LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
Süzlärneñ gomumi sanı 3405
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
наҟ, уара уабаҳабжьахеи, – иҳәеит, аха абарҵахь данындәылҵ,
иаалырҟьаны даагылеит. – Уара, ала ԥина еиԥш, зегьы
ирымҵагьежьуа, Зураб ҳәа аӡәы дыҟами абраҟа?! Думдыруеи? Убри инаиҿыҵҟьеит. Уара акыр удыруама? Ииашаҵәҟьаны
ара дыҟоума сымаҳә? Думдыруеи, Сергеи Сергеи-иԥа Фанба. Сакәтыжә иԥа Сафер, аԥсышәала иуҳәозар, дубама
дыҟаҵәҟьоума абраҟа?
– Дыҟоуп, – иҳәеит Ҭарсхан, – шәарыцара иааз, ани, адуи
иареи абнахьхьи еицыҟоуп.
– Исҳәо уаҳауама, дад, уажәраанӡа сара сзыҳәан Адамыр
ииҳәаз зегьы башоуп, убарҭ, аҩыџьа реидтәалара иадкыланы иуҳәозар, убри сахаануп, аҳәара иаԥсам… – иҿынеихеит,
амардуан данналбаа, дааҭгылан, – уара, уан, арҵаҩ ду, асалам
сызлышәҭ. Анцәа ибоит, сара сыбз алам лхаҵа иҭахара, уиашоуп, дысзымыхьчеит, аха егьирахь сыцқьоуп. Даҽакы, дад,
сызлауҳәо, ани, атурбаза ԥина дубозар, исызиаҳәа, иаха дцеит, аҳаԥахьы дхынҳәит ҳәа, – ибжьы аархәыҷны, – ани иахь,
уӡырҩи, уаҳа иара иахь уҩнамлан, – иҳәеит Адамыр ишҟа
инапы рыххауа.
Адырҩаҽны ашьыжьымҭан, иҟалашаз аныҟала ашьҭахь,
Ҭарсхан игәалашәоит уи иахь уҩнамлан, ихала дыҟазааит ҳәа,
Адамыр изыҳәан Бақьыр-иԥа Ҳараз ицамҭаз ииҳәаз ажәақәа.
Ицәа иалашәама, мамзаргьы дшыҟаз гәаҭаны, идырма Адамыр
иигәаӷьраны дыҟаз? Иҟаиҵааит, уиԥырхагамхан ҳәоума уаҳа
имԥан умнеин зиҳәаз? Ажәабжь бзиак асиужет ыҟоуп, ирӡтәым,
ианҵатәуп ҳәа игәы дынҭахәыцит Ҭарсхан, ашәҟәыҩҩы, ахшара рацәа ран длеиԥшха, аӡәымкәа, ҩыџьамкәа аперсонажқәа
аԥсҭазаара ахыркәшарахь даннеи, зегьы бзиала ҳәа анреиҳәа
аамҭазы, ифырхацәа руаӡәк, зегьы ирхаҭарнаку, иаҳа иаарылукааша, днеиуеит дызшаз – ашәҟәыҩҩы иҿы. Урҭ реиԥылара,
реицәажәара… Ашәҟәыҩҩы ибеит иперсонаж, аамҭа иафыр
хаҵаз, абри шәиеиԥшхароуп ҳәа зыхьӡ аҿар ирарҳәоз,
ауаа рыбла дызхымԥшыло, ихы агарҭа имоуа данымыцхәха,
дшыбналаз, уаҩԥсы иахь дцәырымҵуа ихы шитәхаз. Дызшаз
ашәҟәыҩҩы изыҳәан ари иаанагозеи? Асиужет уажәыҵәҟьа
ианысҵап, нас, сшаахынҳәлак, иркьыԥхьшам, аҭыжьырҭаҿ
ани, исыдгылауа, аха, сара сеиԥш, бзиа змам, исгәаԥхеит,
ибзиагәышьоуп, аха, иҟаҳҵарызеи, кьыԥхьшьа амам, иҵәахы,
егьырҭ уҩымҭақәа инарылаҵа иҳәап, нас саргьы убраҟа сгәы
аасырҭынчып.
Уара иуҳәауа анцәа уи иуциҳәозароуп. Ус акәымкәа, уара
иануҳәауа, анцәа ианимаҳа, аҩсҭаа иаҳауеит. Ажәабжь асиужет, ииашаҵәҟьаны изеиԥш тетрад жәпа анҵара дахьӡеит
Ҭарсхан, дшахьӡаз, ишаниҵаз еиԥш Аԥсуа баагәара азыҳәан
ииԥшаақәаз, иаҳақәаз, ишаниҵаз еиԥш амҩан иибаз абаа
хыӷәӷәарҭаҿы аҩырақәа зыхьӡ ахаҳә ҟьаԥс иааркьаҿааркьаҿны акәзаргьы, ишаниҵаз еиԥш, убраҟа, ихаҭагьы
илахьынҵа ахьыӡбахаз аԥсааиҭакырҭа, ашьхақәа рыгәҭаны
иҟоу атурбаза «Абзагә», урҭ анҵамҭа цыԥҵәахақәа рылагьы уаҩы еиликаартә иҟоуп иара, Ҭарсхан ихаҭа ишизаатыз
изымдырӡоз даҽа дунеик, убри иабзоураны иара дшыхынҳәуаз
анцәа дыззишаҵәҟьаз ашҟа. Атетрад жәпа, машәыршәа,
альпинистцәақәак ирымԥыхьашәеит. Амузеи аҿы, иахьрымоу, убасгьы ажәаны инарыцырҵеит. Азнык азыҳәан ҳгәы
иаанагеит ҳара ҳаанӡа уаҟа инеиз альпинистцәақәак, ҳара
ҳаԥхьа дара шнеиз алаҳдырырц ирҵәахит ҳәа. Ахаҳәқәа
реиҟәԥараҿы ибжьаршәын. Аԥша наҟ ибжьанацалоу, убасҟак
иманшәалаханы ибжьаршәын, асгьы ақәагьы акгьы знеиуамызт иара аҿы, ҵаны, анҵамҭақәа изларҳәо ала, изтәыз
ицәыӡижьҭеи мызкгьы мҵыцт. Ажәала ианқәоу рыла мацара акәым, аҭыхымҭақәа ианҵоу рылагьы, издыруада амузеи азыҳәан акыр иаԥсазар ҳәа иааҳгеит. Аилкаара мариан,
альпинистцәа ирымԥыхьашәаз атетрад, адаҟьаҿы иназгаз.
Уи змаҟа иавҵаз Ҭарсхан Ҭранба ацаҟьа данҟьаны даннеиуаз, имаҟа иавҵшәеит, ԥыҭраамҭак урҭ аҳауа еицалан. Даҽа
ԥсҭазаарак, ирыӡбарц амҩа ишықәыз, иаҳа иласыз, аԥша
иагеит иахьаҭаху, ахаҳәқәа реиҟәԥара иныбжьашәеит. Даҽа
дунеик ашҟа диасит егьи ҵаҟанӡа инеизгьы, ихаҭа иаҵкьыс
иаҳа ԥсынҵра бзиа аиуит иҭынхаз, аха уи атәы зынӡаск даҽа
ҭоурыхуп. Уажәазы ҳара ҳхынҳәып дахьынҳажьыз ашҟа.
Уаанӡа иӡса-ӡсо, змаҭацәа ирылагәырӷьауа аҭакәажә
хахәы шла илҩызаха, аеҵәақәа ирылаз амза ҭҭәаа-ҭыԥха,
нан дшәыкәыхшоуп, уажәшьҭа ажәҩан шәара ишәымаз,
сара ԥсшьара сцеит ҳәа, аеҵәақәа ааныжьны, ашьхақәа
инарыҵалан, ажәҩан иацәыӡхьан, Ҭарсхан Адамыр иуада
данаадәылҵ. Аԥенџьыр иалԥхоз афымца лашара ашҭа арлашон, аха уинахыс, Бақьыр-иԥа Ҳараз дназлаланы дцаз
алашьцара убас ижәпан, шьаҿак узеихымгауа. Ашҭаҿы ианааи, иеиҳәаша, дызлаирхынҳәыша шизымдыруазгьы, дааникыларц, дирхынҳәырц, урҭ аҩыџьа ахацәа усҵәҟьа
еиԥырымҵырц, Бақьыр-иԥа Ҳараз днаихьӡан, имахәар
днахьынҳалеит Ҭарсхан.
– Иҟоу уасҳәап, дад, – дахьникылаз игәы иахәан, ҭынч,
гәҭахәыцрала ҿааиҭит Бақьыр-иԥа Ҳараз, – ашьа ицаша, дад,
ада иалагылом, иҳәеит. Егьа ҟауҵаргьы, иауам, ада иалҵны
ицароуп. Иузнымкылаша ужәҩахыр аҵаргыланы, баша амала, дад, ухәда хумжәан, – алашара зылԥхоз Адамыр иԥенџьыр
ашҟа инапы наирххеит, – ании сареи ҳазларыцҳахаз, ҳазҿыз
зегьы шбашаз аабеит ҳҩыџьегьы. Иара сара исхараитәуеит,
уара уоуп аԥашәқәа ҳәа, сара иара ихарастәуеит, аҵла сара
еиҭасҳазаргьы, қәаԥсатас, мра каԥхарас иамаз уара уакәын
ҳәа. Аӷацәа шаақәҳхлак, нас, уи аҽны инаркны, адунеи аҿы
акәтаӷь былгьо иҟалоит, зегьы рыԥсы шҭоу џьанаҭ роуеит ҳәа
иаҳҳәо шаҳҳәоз, ҳшааиуаз, дад, ҳаӷацәа ҳәа уаҩ дыҟамкәа,
адәышкәаӷьазаҿ ҳанаакылс, аргамаду иаабеит, аӷацәа ракә
ӡамкәа, ҳхаҭақәа ҳзықәтәаз амахә аԥҟара ҳшаҿыз. Ҳхы ҳаӷан,
дад, ҳхы. Сара дысзымыхьчеит уаб, иреиӷьыз ҳабригадир,
аԥҭа, Сталин иеиԥшыз аԥҭа ажәҩан хнаҩо ԥхыӡ иахьибаз
зыԥхыӡ иақәдырӡыз уаб, уаҟа, дад, ҳқыҭан, иахьагьы аӷаџаӷаџҳәа ибжьы улымҳа ҭнахуа ауаа дрылагыланы дцәажәоит
уаб ашәҟәы изалазҵаз, убасҵәҟьа инхоит-инҵуеит ҩажәи
жәибжь раан ауаа зырӡуаз, урҭ зегьы, иџьоушьаша, ишԥаубо
ихынҳәны иааз, иузымыхьчаз ҳәа саҽԥныҳәара иалагеит.
Реиҳа зыбз ҭазыкқәодаз? Реиҳа знапқәа ашьа рыхьшьыз. Уара,
ашьажәҩы, Советски власт аагаразы сара сықәԥозар, иааҳәуа
шыбзиоу ҳәа агәра гаҵәҟьаны сыҟан, аха уара? Ашьажәҩы,
уара? Угәыла маӡала ашәҟәы изалаҵаны дзырӡыз, уара уоума сара стәы зҳәауа ҳәа сҩықәгылар, дасу дзакәу аҳәара
сҩалагар… Сыԥсы шҭаз зегьы срылҵит, сусгьы, ауааԥсырагьы,
зегьы сгәы рыхшәеит, ишынеибакәу зегьы…
– Суқәшаҳаҭуп, ҳажәлар рҵас-рқьабз уазхәыцны, ауаа
зҭиуаз, изырӡуаз рыхьӡ-рыжәла ахьумҳәаз…
– Убарҭқәагьы, дад, Ҭарсхан, убарҭ, ауаа зырӡызгьы, убас
еиԥш ацәгьарақәа ахьыҟарҵаз, убригьы зхарада? – инапы наирххеит Адамыр иуадахь, – думбои, абнии сареи ҳауп изхароу,
раԥхьа сара, нас Адамыр, иара иеиԥш зеиԥшыз, – иҳәеит.
– Сара суҳәоит, иуҭахызар, ишубо, абыржәы сшьамхы
асырсуеит, суҳәоит, агәра згоит дшудыруа, исаҳәа, дызусҭада
саб дзырӡыз? Ауаҩԥсы иакәым акәты ахы сзыхҵәом, цәгьарак
илсхуам, аха издыруазааит, – иҳәан, дӷьаҵәыӷьаҵәуа диҳәеит
Ҭарсхан. Иқьышә инықәыххит иаб дзырӡыз деиликаарц
зиҭахыҵәҟьаз иҳәарц: акьыԥхь ала ауаа дыдирдырырц,
иҽааникылеит.
Еикәарҽны иҿаҳәаны ижәҩа ихшьын Бақьыр-иԥа Ҳараз
иуапа. Имш лашараз, иҵхы лашьцараз, ашоура ыҟаз, ихьҭаз,
еснагь, дахьцалак уи ицзар акәын иуапеи, аԥса ҵары зхаз
алабашьеи, Ҭарсхан изҵаара ицәыхьанҭахан, дынкахәыцуа
дгылан. Иуапа ааԥиртлан, ижәҩа инҭаирԥеит. Иаҳагьы илахь
ашҟа даалахан, инаихаиршьшьит иуасцәа хылԥа.
– Уаб дзырӡыз деилукаарц уҭахуп акәу, дад?
– Сшьа зуеит ҳәа акәым, иуасымҳәеи, сара акәтыҵәҟьа ахы
сзыхҵәом, аха дыздыруаз…
– Акы суазҵаашан, дад. Иахьа, сара сааргарц, акрахьифауа
ажәабжьқәа иаҳәауа, ани, аиҳаб ду, апартиатә усзуҩы игәы
ҟасҵаларц санааргоз… Сара аара сзақәшаҳаҭхаз, иасҳәарц
исыӡбақәаз даҽакуп, аха уиакәым сызҿу, убарҭ, саагаразы
инеиз, уара узрыцыз, дад? Сара ибзиан дыздыруеит, уаҩԥсы
бзиак иоуп, уааидтәала ҳәа, уара, дад, уара узсыҳәаз? Уара
ибзианы дудыруама уи?
– Ааи, дыздыруеит, иара иҿыҵәҟьа аус зуам, сара аҵараеилкааратә еиҳабыс сыҟоуп, аха уии сареи ҳаизааигәоуп…
Уажәраанӡа ҳаизааигәан. Аха уи даҽакуп. Иуцәызӡом, сегьицхраалоит…
– Уицхраалоит… Аҳы, уи бзиоуп. Уаб дзырӡыз деилукаарц уҭахуп, иуҭахызар акәхап, дад, уангьы лусура дамызхыз дызусҭоу? Уаб хаҵа еилҟьак иакәын, уан лакәзар,
аԥсҭазаара ҳахшыҩҭра… Аҵеи бзиа дырхылҵзаап сгәахәт
иахьа, аҳаԥаҿы шәаннеи, ҳанеибадырқәа, хшыҩла, дад,
дыцәгьамзар акәхап, аха, дад, угәы иалымсын, макьана усабира уагымзаап, – ҿааиҭит Бақьыр-иԥа Ҳараз, –уаб дзырӡыз,
уангьы лмаҵура дамызхыз, ухала иузымдырӡои? Сицхраауеит
ҳәа узҿу дызусҭада? Адамыр ибаҩхатәра зызкыз? Изызкыз
сара, уаԥхьа игылоу сыԥсҭазаара? Уца, уҵх аабзиахааит! Абри
зхысҳәааз еилукаар, мҩас узқәылашагьы нас иаҳа иудыруеит. Аӡәыр дуазҵаауазар, дцеит ҳәа сызраҳәа, – илабашьа
ыҵақшо иҿынеихеит, аха шьаҿақәак данаанаскьа, дааҭгылеит
дӡырҩуа. Аԥсшьарҭа ӷәтәы ҩны хәыҷқәа руак аҟынтәи,
имырдуцәакәа, хараӡантә иааҩуазшәа, еиқәшәаны, рыбжьқәа
еинааланы ашәа рҳәон ахацәа.
– Анҭ, иумдыруеи, аԥсаратәқәоуп, уара уқыҭауаа, ахьшь
цәа-шәарыцаҩцәа, убарҭ роуп ашәа зҳәауа. Уаала, ҳнеип
дара рышҟа. Ари аҩыза аҵх лашьцараха узлацозеи, –иҳәан
аҭаҳмада днаидыххылеит Ҭарсхан.
– Зынӡа усабиума, уаҳа акгьы узеилымкааӡеи?! – иҳәеит
Бақьыр-иԥа Ҳараз, аха урҭ ажәақәа ҳәан, абду ишиеиҳәара
еиԥш имаҭа гәакьа иуапа еиԥш еиқәаҵәаз аҵх иналаӡит
аҭаҳмада илабашьа ашьҭыбжь.
Зны иҭаауа, нас ашьха ҳаракырак ихалозшәа, ашьшьыҳәа
ишьҭыҵуа, ашәаҳәабжь ааҩуан. Уи «Ахра ашәа» иаҳацыԥхьаӡа
дунеи ҿыцк изаанартуа датҟәон Ҭарсхан. Ашьа аҿыхра, аешьа
изыҳәан аешьа игәаҟра, ауаҩытәыҩса иахьынӡаилшауа даҽа
уаҩԥсык, даҽаӡәы бзиа ибара, ихы ихҭынҵара… Убри абзиабара ду, агәаҟра цәгьа иахылҵыз ашәа… Иаԥызҵаз ауаҩ, уахык, ҵхы заҵәык азыҳәан игениз уаҳа иагьнимҵыр акәын,
ииҳәашаз иҳәеит ажәак ала, дцар акәын… Убри ауаҩ, зашәа
зыԥсҭазаара ахҭнызҵаз изыҳәан иҩызар ажәабжь, ашәа ахаҭа
еиԥш, иегьлахьеиқәҵагоу, аха иегьгәышьҭыхгоу ажәабжьхон.
Абри ахшыҩҵак раԥхьа иблокнот ианиҵеит Ҭарсхан ақыҭаҿ аус
аниуаз, ашьҭахь, усура ақалақь ахь диасхьаны, ихала дшыҟаз,
уахык, раԥхьа ашәа игәы иқәыҩуа иалагеит, нас игәалашәеит
анҵамҭа иҟаиҵахьаз. Рҵаҩыс аусура иалагаз иԥҳәыс (анцәа
диныҳәароуп, аусурҭа аԥшааразы длыцхрааит Виқтор Ҭахәыциԥа), асааҭқәа нагӡаны ишлымазгьы, илоуаз ауалафахәы
аарлаҳәа аӡәы изхон. Ушәҟәыҩҩраҿы, уҵара усураҿы иаҳа
ахақәиҭра уоуп, ахәыҷгьы изеиӷьуп ҳәа иԥҳәыс лани лаби рахь
аамҭала, уадақәак рырҭаанӡа ҳәа данца, ихала данаанха, руада ҭшәа хәыҷы иаамыцхәхома уҳәо аҟынӡа иҭбааҭыцәхеит,
аха уи ҭбааҭыцәын ҽынла, аԥенџьыр аҟнытә иааԥшуаз ажәҩан
аныҭбааҭыцәыз. Уахынла, имацара заҵәык данаанхалак,
аԥенџьыр далԥшны дызҵаԥшуаз ажәҩангьы лаҟәуан, иҭшәахон,
иуадагьы аҭӡамцқәа еидылама иҳәо аҟынӡа ихәыҷхон. Анҵамҭа
иҟаиҵахьаз иханаршҭит ашәа ахаҭа игәы иқәыҩуа ианалага.
Дҩагылеит. Ԥыҭрак аԥенџьыр дадгылан. Уажәы-уажәы аԥҭақәа
нархыло усҟан иаалашьцон, нас ирыцәцон иҭҭәааӡа иааԥшуаз
амза. Иԥенџьыр анаҩсҵәҟьа рыҽҩышьҭырхуан ашьхақәа.
Убрахь, абанҭ ашьхақәа рыгәҭаноуп, абасеиԥш иҟаз ҵхык
азыҳәаноуп ианыҟалоз урҭ аешьцәа рыдрама. «Ахра уалҟьар,
уԥыхха уцар, исыбаргузеи, уаа», ихы иҭагьежьуан ашәа ажәақәа.
Адунеи изықәу иреиӷьеишьауа ауаҩ ибла ишабо дҭахоит, акгьы дызихәом, дгәаҟуеит, дбылуеит, амца ицроуп. Убри агәаҟра,
ахәшҭаара амцабз шалҵуа еиԥш, дызбылуаз убри амца иалҵит
иаацәыригаз ашәа. Ажәабжь аҩра далагаанӡа дазхәыцит
хшыҩҵак хадас еиҭарц ииҭахыз. Амузыкоума, ашәҟәыҩҩроума,
исахьаҭыхроума, аҟазара зегьы ауаҩытәыҩса игәаҟашәоуп,
ихәыцра гәҭыхеи аԥсҭазаара аиашеи, аихымцеи ашьанҵеи
реиԥш, аҟазара игәаҵаҿы ианеинҟьалак, ирхылҵуа ацԥхьқәа
роуп аҟазаратә рҿиамҭа. Егьырҭ зегьы аҩсҭаа иажәоуп. Агәаҟра
џьаҳаным гәашә дынарҭаԥшит уажәымзар уажәы сашьа
дҭахоит ҳәа ахра иаҵаԥшуа. Аухаҵәҟьа аҩра далагеит Ҭарсхан
уи ажәабжь. Иахьӡиҵеит «Ҵхы заҵәык агени» ҳәа. Ажәабжь
ахьӡ аҿы хыхь аеҵәа ықәыргыланы ҵаҟа иналбааганы иарбоуп ихы ишаирхәаз анемец шәҟәыҩҩы Стефан Цвеиг иҩымҭак
ахьӡ. Ииашаны, агәаҵәаҵәҟьа дҭаԥшны еиликааит ажәабжь
арецензиа ҟазҵаз Адамыр. Акьыԥхьра азыҳәан ақәшаҳаҭрагьы
имамызт. Агәаҟроуп ашәеи ажәеи зхылҵуа ҳәа зҳәауа ажәабжь
шәкьыԥхь иҳәар, ихаҭа иааиҩхьаз зегьы мап рцәикыр акәын.
Убри азыҳәаноуп уи ииҩыз дзахымгәааз Ҭарсхан.
Ашьха данылбаалак, инапҩымҭақәа ахьыҵәаху иан лҿы
дцаны, ажәабжь «Ҵхы заҵәык агени» иагьыриашаҵәҟьоу,
иацҵатәқәоу ҳәа имшынҵаҿы нҵамҭақәакгьы рыҟаҵара
дахьӡеит Ҭарсхан.
Ахрышь дахьылаԥалаз имагәқәа рышьҭыбжь илабашьа
ашьҭыбжь аҵх иналаӡын, ақыҭауаа, ахьшьцәа-ашәарыцаҩцәа
рышҟагьы дизнамгакәа, Бақьыр-иԥа Ҳараз данца, ашәа
ҳәарагьы анааиқәтәа, иҟаиҵара, дахьцара изымдыруа, акраа
мҭа дынкахәыцуа дгылан Ҭарсхан. Адамыргьы саргьы, ламысла иаҳҳәозар, ҳҩыџьегьы иаҳзыразхеит аԥсабара, еиԥшыз
еидарак ҳҩыџьегьы ҳаҵеиҵеит ҳазшаз, аха аԥсҭазаара иара
атәы ҟанаҵеит, иара иаҭахыз амҩа иқәнаҵеит ҳазшаз иҳаиҭаз.
Адамыр иакәым, сара схоуп сзызгәааша. Уи иԥсҭазаара азикит
ихаҟара зыгәра игоз амаҵ аура. Итрагедиагьы зыхҟьаз убри
ауп, дԥааимбарыз џьшьаны, аџьныш имаҵ шиуаз ибеит имра
аҭашәамҭазы. Аха сара саҵкьыс иара иаҳа дызлеиӷьу, уи амаҵ
иуан бзиа иибоз, зыгәра игоз, сара исыцәтәыму, ала бзиа
иабараҳа алаба, схәыҷаахыс исымоу амаҵ аура саҿуп. Саҿын,
ааи, ааи, саҿын. Абасҵәҟьа сҳәароуп, сшаашьхныҵлак иҭабуп
исзыҟауҵаз азыҳәан, ақалақь ахь сиасра уацхрааит, аусурҭа
сзуԥшааит, саргьы исылшоз ала суцхраақәеит, ҳаиҭоуп, умш
аабзиахааит ҳәа иасҳәароуп Виқтор Ҭахәыц-иԥа. Иаргьы,
иахьа исаҳази, избази, сибацыԥхьаӡа иааигәалашәо, иаргьы изеиӷьуп уаҳа имԥан сықәымлар. Урҭ рааигәара умнеин ҳәа еснагь иуасҳәон, сеигәырӷьоит уажәы ухала уи уахьызкылсыз лҳәашт. Марина, сара с-Марина, с-Мадонна.
Сбықәшаҳаҭхом акаҿы. Сара ишԥабасҳәари, ахраҿҟьарақәа
рыда ԥсҭазаара амоума ақәасаб? Агаҿаҟа иналбаауеит,
аихадақәа ирыхҟьашо, аарла иныҟәо аџьма ацкьыс еицәаха
иааумпыҵахоит, убри саҩызахоит уахь санбыцца. Агәра згоит, Марина, бани баби, дара срыхшазшәа, сышрыдыркыло,
саамҭа зегьы сышәҟәҩыра иазыскыртә зегьы шысзыҟарҵо,
аха усҟан, Марина, сӡыхь башахеит, иҭабеит. Бара бзыҳәангьы,
ахәыҷы изыҳәангьы абзиара ҟасҵоит сҳәан, иамуит. Абас, иахьагьы, саб данҭаркыз ҳкаимыжьит, дҳацхраауан, сан аусура
даанамхәо, дылхамҵгылеит, ланшьа иоуп, сара сҩымҭақәа
ркьыԥхьра дақәшаҳаҭымхазар, уи иара зыгәра ганы дыҟоу ауп,
ахаҵарԥыс бзиа иибо аԥҳәызба дылхымбаара, иара дызхыбаауа сара иҵысшәаауеит, ҳәарада, дзақәшаҳаҭхом, аха мап
ицәкра азин сымам, уадаҩрак дҭагылоуп, сицхраап Адамыр
сҳәан, иаҳагьы еицәаз ҟаиҵеит. Абарҭ агәҭахәыцрақәа рнаҩс,
уи имшынҵа анҵара дахьӡеит Адамыри иареи аҵыхәтәанӡатәи
реиқәшәара, ҵаны, аицәажәара ҳәа азҳәара уадаҩуп, избанзар, Ҭарсхан егьарыла инарҭбааны дазхәыцзаргьы, Адамыр
ииҳәаз ажәакоуп, ажәа заҵәык.
Даахынҳәын, Адамыр иуадахь дынхалеит. Бақьыр-иԥа
Ҳарази иареи дәылҵны ианцоз еиԥш, уаҳа иҽимырҵысӡакәа,
инапы ихы иаҵаргыла, деизҟәыҿы акресла дшықәтәац
дықәтәан Адамыр. Акы заҵәык даҽакала иибаз, уаанӡа
еиқәырҷаб астол иқәыз анапҩымҭа, ихарбӷьараны иқәыԥсан.
Бақьыр-иԥа Ҳараз даасымгар акәын, ииашамкәан иҟасҵеит
ҳәа ажәақәак неиҳәақәеит Ҭарсхан, аха Адамыр ҿимҭӡеит.
Дҩагылан, аҵәца абжа ауатка нҭаҭәаны ижәит, ача аԥҽыха
днафҩын, наҟ инықәиҵеит. Ҭарсхан ижәырц егьидимгалеит.
Аҭаҭын дахо, аԥенџьыр дадгылан.
– Саҭоумҵан, Ҭарсхан, саҭоумҵан, – иҳәеит аҵыхәтәаны.
Ихала даанхар иаҳа изеиӷьуп ҳәа иӡбан, уҵх аабзиа
хааитҳәагьы иамҳәакәа, ашьшьыҳәа дындәылҵит Ҭарсхан.
Абарҵа дегьнықәгылеит, иаразнак изҿнаҭит даҽа ԥсҭазарак.
Урԥырҵ, наҟ икажь, урцәыбнала, Ҭарсхан, убарҭқәа зегьы, ухы ухаршҭ, учча-ухәмар, укәаша, лбаа арҩаш ахықә
аҿынтә иааҩуаз аҭамӷьар музыка уазыӡырҩ, Феиа-Фатима
духадыршҭып уаҟа икәашақәо аҭыԥҳацәа.
Шҭа хәыҷык иаҟаран уи акәашарҭа дәҳәыԥш. Асцена ҟарҵеит ӷәқәак неидсаланы. Аоркестра аҿы ихәмаруаз
арԥарцәа, ашәа зҳәоз аԥҳәызба уҳәа, рызегьы зынӡаск
иқәыԥшцәан, ашьҭахь излеиликааз ала, Балтика аҿықә аҿынтә
иааз студентцәақәазаарын. Урҭ аалозаап абас есԥхынра,
рыԥсгьы ршьоит, ҟәрышьқәакгьы дырҳауеит.
Акәашарҭа ашҭа азааигәара даннеи, иҽааникылан, икәашоз
рылаԥшра далагеит иидыруаз аӡәыр дыҟаны длышьҭазшәа.
Аамҭала иахьқьафурҭаз абраҟа иаҳа дигәалашәеит, дааины
ибла даахгылеит Феиа-Фатима. Убас игәы дыҵалеит, цашьа
имазҭгьы, уаха дааимԥшаар иуӡомызт. Илеиҳәарын, агәра
лиргарын ҳшеимҩалацәам еилкаауп, ҳаиԥырҵра иаамҭоуп,
еидаҳбалаз абзиарақәа ҳгәалашәараҿы еиқәҳархап ҳәа
еибырҳәаз зегьы шбашоу, ус иаармарианы реиԥырҵра шхыдароу. Даҟәыҵроуп ахаҵацараҳәа иаԥшьылгаз. Асеиԥш
агәаҳәарақәа еиҳарак ианизцәырҵлоз арыжәтә аниҿакәалак
акәын, уажәы арыжәтә агьамагьы баны дыҟамызт, аха иибази
иаҳази арыжәтә илсызшәоуп дшыҟарҵаз.
– Уажәы, аҳкәажәцәа, аҳцәа! Шааӡырҩы, шәааӡырҩы!
Уажәы ишәыласҳәоит акәашара шкәакәа, – дааҭгылан, инаци
ҵеит ақьачақь, – убасҟак ишкәакәоуп уи акәашара, уаҩԥсы
инапы зкьымсыц, уаҩԥсы иқьышә иамгәӡыц, абанҭ, ашьхақәа
рхыцәқәан иқәу асы иаҩызоуп. Аҭыԥҳацәа, ишәырҿыха
арԥарцәа, шәрыԥхьа акәашарахь!
Уаҩԥсы иқьышә иамгәӡыц асы, – игәы инҭеиҳәеит Ҭарсхан.
Қьаадк ианҵатәуп. Изаҳауаз еилыркааит, ргәы иахәеит.
Ииҳәауа иҟаиҵауа ихаҭа агәра игауоушь абни ақьачақь?! Издыруада аиашаҵәҟьа здыруа убри иакәзаргьы. Анцәа дишеит амш лашара далагәырӷьаларц, аҵх лашьца далаҭхаџьларц.
Аԥсуа баагәара иара изыҳәан иҭҵаатәым, адиссертациа ахьчаразы адәныҟатә аматериал еизгатәым, абаа хырӷәӷәарҭаҿы
аҩыра зну ахаҳә ибар аҵкыс, иуалафахәы ҟәрышьқәак
изацырҵар иаҳа еиӷьишьоит. Иахьа хәлаанӡа абарҭ дрылаччоит, уаха аӡәы илыциршоит. Иара изыҳәан қьафурҭоуп адунеи ҳәа убри дышизхәыцуаз, акәашацәа акыр дырзааигәахеит
Ҭарсхан, инацәақәа налшь-ҩалшьуа, ихахәы ныԥхьаҳәан,
аӡәы сналыԥхьандаз ааигәахәт.
Иаалырҟьаны ччараха исит: ахьча-шәарыцаҩ Саҭбеи
ԥҳәызбак длыцкәашон, изнапык лыбӷаӡара иакәырша, егьи
лнапы инапсыргәыҵа ианҵаны, анцәа диҳәозшәа игәышԥы иадын, иџьоушьаша ҳәа егьыҟамызт, урҭ рыкәашарҭаҿы, узырччашаз даҽакын: иааҟәымҵӡакәа ирывагьежьуан, ирыцкәшон
Саҭбеи илашәарыца. Зны аҽынканажьуан агәышԥы аҩада ирханы, нас еиҭа иҩаҵҟьаны, рыцкәшара иналагон. Ҭарсхан уи
днаԥхьеит иара ишҟа инеирц, аха иара ахы нырнаа-аарнааны, аԥшәма ицкәашоз ирыхәаԥшуан.
– Уара, цәгьаҳәарамзар уаҳа акгьы узымдырӡои, наҟ иуманы уцарауеи абри ала, – иҳәеит Ҭарсхан ихы наиқәкны Саҭбеи,
икәашауа иаԥхьа ианааи. Умшәан, исҳәаз ари илмаҳаӡеит,
ҳбызшәа лыздырӡом.
– Укәашаны уалга, нас ҳаицәажәап, – уаҳа акгьы изымҳәеит
Ҭарсхан, асеиԥш ицәаԥҽыгаз ажәа изырҳәаз изымдырит.
Автобусаҿ ҳанеицаауаз?.. Иахьа ашьыжьымҭан ҳанеиқәшәаз,
ҳанеицәажәаз? Сизымдырызар, аӡәы дихҩашьалазар? Акәа
шара ишаалгалак ҳаицәажәап, аџьма фҩы ихышәшәо, абни
ацәыршәага иоума!.. Иԥсахы ԥыжәжәо, днаскьаны дыԥшын
Ҭарсхан. Акәашара шкәакәа ианалга, ԥсеивгараҳәа ҟамҵакәа,
даҽа кәашарак арҳәара иалагеит аоркестр. Акәашарҭа
дәҳәыԥш зырлашоз афымца лашара иацны, ажәҩан лашьца иналаӡҩон ашәа зҳәоз аԥҳәызба лыбжьы. Фымца шьаҟак
амҵан, гәыԥҩык аԥсшьаҩцәа иаакәшаны игылан. Убарҭ рышҟа
иҿынеихеит Ҭарсхан. Рыгәҭа инышьҭаҵаны, идыргьежьуан
аԥаҭлика. Ишыгьежь-гьежьуа, аӡәы ихы иқәкны иаангылон, нас
изыргьежьуаз убри дгәыдикылар азин иман. Абарҭ ҳашьхақәа
рыгәҭаны, абраҟа, ҿыҭыбжьы ахьынӡанаҩуа абри агәырӷьаачча, қьафла аамҭа ахыгара, сгәанала, абни ахьча-шәарыцаҩи
сареи заҵәык ҳауп аԥсаратәқәас иалахәу, иалаԥшуа, арахь
ҳара аҩыџьегьы ҳшеицәажәаз убеит, ҳшеицәажәаз ҳәа, сара
ицәгьа џьаракыр исҳәахьаны… Ҭарсхан ихахьгьы имааиӡеит
уи Виқтор Ҭахәыц-иԥеи Сафари рҟынтә ишаауаз. Акәашарақәа
ианрылгалак, Саҭбеи диацәажәарц, ицәаԥҽыгоу ажәа еиҳәаз
азыҳәан ма аминауаҭра шьҭаиҵарц, мамзаргьы… Аха акы
ишаалгалак даҽакы иалагон.
Дшыԥшыз, зегьы иаарылҵын, Саҭбеи уи аԥҳәызба диманы иҿынеихеит. Иқәасқәасуа ирышьҭан алашәарыца. Аԥса
ҵлақәа ахашьшьы, инахараны ацәыҵлашьцараҿы игылаз
ҩнык ашә аадыртын иныҩналеит. Ирышьҭаԥало амардуан
инхаԥалан, абарҵа инықәыххит ала. Ашә шадыркыз, иара
шымыцхәыз анаба, сара сахьынармышьҭыз даҽаӡәы днеир
ҟалом аҳәозшәа, иаахынҳәны амардуан аханы инықәтәан,
рыхьчара иалагеит. Изакәузеи сгәы иалсыз, азхәыцразы
иаԥсам ииҳәаз ажәа. Аӡәы дихҩашьалеит, мамзаргьы зыбз
иафаз аӡәы, стетрад ианысҵало азыҳәан ҵәылаҵара-лаф
еикәатәак иҳәазҭгьы, иара иашаз џьишьеит. Аӡәыр ицәгьа
сҳәахьазар, аӡәыр дыснаԥхахьазар, сара схоуп зыцәгьа
сҳәахьоу иснаԥхахьоу, егьирахь, ас еилкааратә, анаукаеилкааратә институт аҿоума, алитературеи акультуреи знапы
алаку роума, сара сыздыруа зегьы ирдыруеит Виқтор Ҭахәыциԥ сышидҳәалоу, иажәахәқәа рыҩраан сышицхраало, иара
иҿы сышнеило, аха ҩыџьа шеицәажәо снарыдгылар, ари
ҳара ҳтәы иоуп, ицәаҳӡо ҳамам аамышьҭахь акгьы смаҳац,
сара сзыҳәан уаҳа кьынаак рымҳәаӡо иҟоума узлоу, ахаан
акгьы соуҳәаӡом ҳәа шаҟантә исаҽԥниҳәахьоузеи Виқтор
Ҭахәыц-иԥа. Сара цқьа сибо дыҟамызт аԥҳәыс лыгәхьаагара
зыхшыҩ еиланарсхьаз ахьча. Ажәеиԥшьаа имаршәа уиҭааит,
уаха дахьыманшәалахаз идныҳәалатәуп, иаԥсам, исаҭәам
аҭак иасҳәоит ҳәа абраҟа изыԥшра.
«Ахьча Шакьа ирахә има, Сакьа лааигәа ихьчалон…»
Сыԥсымзар, абчараҳ ихаҭа иоуп ахапа зҳәауа. Ашәагьы,
ажәагьы, иара, аламыс ахаҭагьы абарҭ рҿоуп хыҵхырҭас иахьалаго. Зегьы лкажьны, аԥхыӡ бааԥс еиԥш наҟ зегьы нухаршҭны,
Ҭарсхан Ҭрамба шәҟәқәак, карандашьқәак нҭаҵаны уарҭмаҟ
науҟәынҵа абарҭ…
Ашә аартны дныҩналеит. Ҩыџьа астол иадтәалан, уаанӡа
ихәмаруазар акәхарын, иаартны астол иқәын анард. Соулаҳи
даҽа быргки рнапқәа рхы иаҵаҵаны, акаруаҭқәа ирықәиан.
Астол иадтәалақәаз, иаҳа ишқәыԥшцәазгьы, иагьихамҵгылеит,
инаихәаԥшын, рқьышәқәа наҟ инадырҳәит, егьырҭ акаруаҭқәа
ирықәиаз, иаҳа ибыргцәаз, инаихаҵгылан, ашәа шырҳәац
иҳәауа, рнапқәа наидырбеит дыҩналарц, днарыдтәаларц,
ашәагьы рыциҳәарц.
«Исхароузеи, ирыланҵәаша, иргәаԥхазар са сҿырпын»…
Дасу ииҭахыз аҵакы риҭахуан арҭ ажәақәа, аха рызегьы
аччаԥшь рҿықәнаҵон, абыргцәа хьанарԥшуазар акәхарын
ираҩсхьоу ахь, аҿарацәа – раԥхьаҟа.
– Саҭбеи иоуп ҳәа сыҟоуп уаха аҿырпын азырҳәоз, –
иҳәеит Соулаҳ, инаҩс иқәиаз ахьча бырг. Иблақәа убас игызмалын, макьана убас мцак рхыҳәҳәылан, амца ду ахьеиқәыз
ахәшҭаара уныҽҳәаԥшыр, изакә мцоу еиқәыз шудыруа еиԥш,
уи дзакәыз аилкаара мариан. – Аӡыхьаҿы сцаны санаауаз,
снаԥшызар, икәымжә кьаҿ бӷьаауа, аӡәы дигәыдыҳәҳәала,
скәашоит ҳәа ақрымҽрымра даҿуп.
– Дықрымҽо, уаҟәыҵишь, уи ҳара ҳакәашарақәа рзы иуҭа
ххар ахьшьыцба даҩызоуп, аха анҭ рыкәашарақәа, реид
гыларақәа иара иабеидыруеи…
–Уи идырҩатә еиӷьхааит, ишәхашҭма ашәарыцаҩ шәары
цара данцалак иӡбахә ишаламцәажәо, шәиҟәаҵ, – ибӷа
днықәтәеит Соулаҭ. Ҭарсхан игәеиҭеит: агәабан ахыхь ауапа ықәыршәны акәын Соулаҳ дшықәиаз. – Шакьеи Сакьеи нас Саҭбеи, здырҩатә хиаша, ишәарыцара уҳәа акы
игәаланаршәеит, шәӡырҩла, шәзырччаша акоуп, ишәасҳәоит.
Аха уи ашҟа сиасаанӡа, ҳасас аказы сиазҵаауеит, – Ҭарсхан
ишҟа дынхьаҳәит, шәеицны анахьхьи, ҩнык ашҟа шәнеи
уазшәа збон, дызҿу ҳәа иудыруазеи Бақьыр-иԥа Ҳараз, аҳаԥы
дҭыганы ишәырҳәазеи?
– Ҳара ҳашҟа дшымааиуа убоу иара?
Ҳара ҳашҟа дааиуандаз, ажәлар дрылҵны дыбналозма!
– Ихаҭа дизымдыруазаргьы, иӡбахә шәаҳахьазар акәхап
ашәҟәыҩҩы Адамыр Арҭанба. Дара ибзианы еибадыруеит.
Убри иҿы ҳаҟан, нас дцеит, – иҳәеит Ҭарсхан.
– Ишԥа, дабацеи?!
– Дцеит, зынӡа дцеит, иҳаԥахьы.
– Аиашаҵәҟьа ҟаиҵеит.
– Бзиарас иҟаиҵахьоу убри реиӷьуп. Шәахәаԥш, уара,
Нестор Лакоба ихаанаахыс советски власти апартиеи зхы
рықәызҵоз, аиҳаб ду иааз идтәалара иаҭәамшьакәа, мчыла,
дыргәыбзыӷны дызҭаҳәуаз аҳаԥахьы дхынҳәны дцеит, ҳара
ҳазҿу уахәаԥш, уара?
– Уиҭалагахма убри? Ашәарах изылаҳца акәым, сара мыжда, еицырхашьшьы изааҳцап, иара дахьыҟаӡам иаҳмышьҭуеи,
– иҳәеит абчараҳ Соулаҳ, – шәӡырҩы, арҭ зегьы шәаҵкьыс
сара сеиҳабуп, сызхаану иаҳа ирацәоуп Бақьыр-иԥа Ҳараз
ианиаамҭаҵәҟьаз, иҿаҳәатәы ҟало ҳқыҭа данахагылаз
иҟаиҵахьоу шәасҳәап.
– Шәажәа хьыла иԥысҟоит, – ҿааиҭит Ҭарсхан, – ашықәс
еиқәаҵәақәа раан, ауаа ирӡуазу?
– Ашәҟәы рзалаҵаны, исыздыруам, агәнаҳа сызҳәом, дад,
аӡәы дирӡит ҳәагьы смаҳац, амала иҭаркқәаз, рус анырыӡбуаз,
аӡәы аҭаҭын аԥашәқәа аҩада ирханы еиҭоуҳауан, даҽаӡәы
Ԥаҵақьала душьырц азыҳәан ҳәа, анцәа идырп, еилымгарас
иҟоу зегьы, дызлаҭаркыша еиқәирҽаҽоз, усӡбарақәашәагьы
акы ҟарымҵақәоз, убарҭ аӡәгьы дшиҿамгылаз здыруеит, уи
сара сызхаану ауп, – иҳәеит Соулаҳ.
– Уиҟәаҵ ихьаршшара! – ҿааиҭит егьи абырг, – ани, аибашьра аламҭалаз ӡлагарахьчас иҳамаз, ихьӡи ижәлеи
сҳәарц сҭахым, иара аӡлагараҿы дахьыцәоу, иԥҳәыс Бақьыриԥа Ҳараз длылаҭхаџьуеит ҳәа изырымҳәаӡеи? Уахаанӡами?
Ашьҭахь дыдмырӡи ҳаӡлагарахьча? Иара иоуп, уаҳа
дзырӡыда?! Ихьымӡӷыршьеит, ирҳәом акәымзар, аӡлагарахьча
имаҭацәа роуп Бақьыр-иԥа Ҳараз дықәызцаз. Шәшизԥшу
шәымбаӡои ҳәа рауҳәо ианалага, дыршьыр, иаҳагьы… идраргамон, иарҳәеит ҳабла уҽоумырбан ҳәа.
– Убригьы ахьынӡаиашоу сара исыздыруам. Сара издыруа, аҭырқәцәа рахгара далахәын, раншьцәа аԥсуаа ыҟан,
раҳәшьаԥацәа ыҟан, рхаҭақәагьы ахынҳәра иалагеит… –
илахҿыхыз ажәабжьк реиҳәарц ирҭахыз Соулаҳ дналагеит:
– Сара ишәасҳәо уҳәан-сҳәаным, схаҭа сызлаԥшызоуп. –
Ҭарсхан идыруан ахьшьцәа-шәарыцаҩцәа ражәабжьҳәашьа:
реиҳа ихҭҳәаау ажәабжь зҳәауа, иажәабжь шаҟа имцу,
убасҟак изаҳауа ишиашаҵәҟьоу ҳәа агәра диргарц далагоит. – Аибашьра иаламгацызт, дыԥжәароуп уаҩ дылхымшаӡеит
иԥҳәыс, ихьӡ зларҳәаша уаҩ диҭнымхаӡеит. Аибашьра
ианалагаҵәҟьа дыргоит. Шықәсыкгьы мҵыцқәа ашәҟәы ааит
дышҭахаз ала. Рыцҳа, иԥсаҭа бзиахааит, ижәлаз зышәҭахузеи,
ихьӡ мацара шәасҳәап. Кьасоу ихьӡын. Иашәаҳәареи
икәашареи рзыҳәан мацарагьы ҳқыҭаҿ деицырдыруан. Акыр
ацҵаны исҳәозар, шәара… шәихааным, аха, аа шәиазҵаа, дихаануп, дигәалашәоит Ԥарна. Думдыруаз, уара, иузымдырша
иакәхааит? – Иара иаамышьҭахь иаҳа ибыргыз ихы наиқәикит
Соулаҳ. – Уи дышԥасзымдыруаз, сара сеиҵбын, гәаҷс сыҟан, аха
сицхьчахьан аниҳәа, Соулаҳ иажәа инациҵеит. – Дарбан хьчоу,
аԥҳәыс илыхҟьаны, алақәа змыршыц, аҵхабжьон изышькламхысыц, аха аҳәса рзыҳәан Кьасоу ихылаз ахьӡ аҩызаҵәҟьа
хьчак изыҳәан лакәк аҿгьы ирҳәо смаҳац. Дзыхдырҟьаз тәым
ԥҳәыск лакәындаз ухы иқәукрын. Арҭ зегьы аҳәса шаажәгаз
еиԥш, Кьасоугьы ԥҳәыс дааигеит, ачара иуит. Иара, ԥсаҭа
шкәакәа, уажәы дызбо џьысшьоит, ихахәда еихаҟацаӡа,
данныҟәо имахәарқәа идхны икын, ижьашәқәа убасҟак
иҭҟацаан, ацә қша атәыҩа дламҵасны, иаарҳәны инкаижьуан, уахьихәаԥшуа, уаҩы хьанҭак иоуп, днаҳәны-дааҳәаанӡа
ишаны ихәлоит уҳәарын, аха ицәа-ижьы убасҟак изыласын,
дԥыруан даныкәашоз, аҽышькыл ишьапы кылаикӡомызт,
егьа иҽы ҳаракызаргьы, дҩышьҭыԥан днақәтәон. Аҩыза
изыҳәан ихы деигӡомызт, аха ашьхаҟа арахә рыманы ианцоз ахьшьцәа, Кьасоу игара рҭахымызт. Ижәдыруеит, уажәгьы
инханы иҟоуп уи аҵас, аха сара саныҷкәыназ, уи аҵас еилазгаз, унапсыргәыҵаҿ хәыц ықәиаараҳа, ишьапы ашьха
иқәиргылар руазма – аԥҳәыс ашьха цәҳәыраҿ, ахьшьцәа ахьцо дырго ишԥаҟалоз. Урҭ агаҿа иаанхон, ҩба, хԥа мза рырахә
рыма, абыржәы ҳара ишыҟаҳҵаз еиԥш, ашьхаҟа ицон. Имацара дыҟазаргьы, зықьгьы арахә зимбарыз Кьасоу, абрагьцәа
уқәлар, ихала дрыхәон, аха иазуҭахузеи, арахәгьы уаргьы
шәылкажьны, шәыҟамызшәа шәааихашҭуан аԥҳәыс ихы
данааҭалалак. Ашьха цәҳәыраҿы, иабыкәу, џьыма, ахаҿынтәи
удәықәлар, реиҳа зшьамхы ҵару, ҩаха ҩымш ныҟәа ахьыбжьоу, арахә иманы дшықәу, аԥҳәыс ихы данааҭашәа, арахәгьы,
иҩызцәагьы, зегьы лкажьны, есс, дылкылахәаша дцон агаҿаҟа.
Аҳәсеибацәа имоур ҳәа ушәозу, агыруа уԥаҵа еицаҟьоуп ҳәа
ддырӡуан ҳәа, аӡәы ииашамкәан ухәыцуеит рҳәеит, ҽаӡәы
амал умацәоуп, амцхә акрифоит рҳәеит, ҽаӡәы Нестор Лакоба уҩны дааихьан рҳәеит, изыхдырҟьаз иудыруазеи! Ҩажәак
еихысҳәаалоит, дзыхдырҟьазеи, аа, абри арԥыс иаб, Ҭамел
Ҭрамба, иԥхыӡ дахдырҟьеит, аԥҭа еиқәаҵәа ажәҩан иаҵаны
ԥхыӡ избеит, шәанаџьалбеит. Ԥаҵақьала исахьа аман убри
аԥҭа ахьааиҳәаз, дабаҟоу?!
– Убри дзырӡыз иҩыза ауаа шыҟоу удыруаз иахьагьы…
уцәажәар, уаргьы иуԥеиԥшхар ауеит.
– Аӡәы ашәҟәы ноузалеиҵар, уаргьы унаишьҭаргалеит
Ҭамел Ҭрамба.
Уажәадагьы игәеиҭахьан Ҭарсхан арҭ ауаа, реиҳа рхы
иақәиҭуп, реиҳа имшәаша иреиуоуп абасҟак шҵхьоугьы,
агәыҭҟьара, агәреибамгара, рҽынкыланы ацәшәара рзынханы ишыҟаз. Иџьеишьауаз, ҩажәи жәибжь иахаанны акәым,
уи ашьҭахь ииқәазгьы убас иҟан. Убри даназхәыцлак, урҭ
ашықәсқәа раан иҟаҵоу даҽа цәгьарак ҳәа хшыҩзцарак
дазкылсуан. Иреиӷьқәаз налҟәшәаауа, ауаа андырӡуаз,
имышхәбзазаха иҿиауан агәыҭҟьара. Еиҵагылеит гәыҭҟьарала
иааӡоу абиԥара. Схаҭагьы исымоуп уи. Сшьапы сықәиргылар,
дсыцхраап ахьиасҳәоз аамышьҭахьгьы, сышәҟәыҩҩраҿы
сырҿагылауа, арахь, иахьазы, аамҭалаҳәа ахьӡҵаны
акәзаргьы, Виқтор Ҭахәыц-иԥа сахьидҳәалоу, рыцәшәареи,
насгьы адунеи иақәлахоит, хыбгалара рықәым сара схаан ҳәа,
сшыхәыҷыз агәра ахьызгаз, сшыхәыҷыз сахьрыцәшәазоуп.
Убри агәыҭҟьарагьы саиааирцоуп иахьа избаз, исаҳаз…
Игәҭахәыцра еиԥнарҟьеит Соулаҳ иччабжь, ицәҳараны
иҟаз, ихаҭа дарччеит.
– Ахацәа андырӡ, аҳәсеибацәа рыла иҭәит ҳқыҭа. Аӡәы
дымԥсыкәа, даҽаӡәы бзиара ибом ҳәа, урҭ рырӡра ҭхаџьрахеит
Кьасоу изыҳәан.
Башахеит. Иаҳагьы деицәахеит Кьасоу. Иааигаз аԥҳәысгьы
лышәырҭаҭақәа уҩнапык ирымпыҵамӡо, лиарҭа узавымсуа, уамак лакәын, аӡәыр днылкылозар, Кьасоу абри днылкылоит рҳәеит. Уажәы иаҳа аӷәрақәа ноурыжьит, чанабак
ԥшааны, зынӡа умнеиргьы акгьы уарҳәом, аха усҟан, аибашьра аламҭалаз, абаандаҩы ибаргәыз аколхозник иаамышьҭахь,
аҩны ҳамхқәа уахынла иаҳрашәон, амш лашара аколхоз иазкызар акәын, аҳәса ачаирҭаҿы ахшара дроуан. Уаӷа дызхаанхаша… зегьы. Ахьшьцәа, ҳарахә ахьаҳбоз аамышьҭахьгьы,

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3320Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3287Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3310Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3343Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3305Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21960.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3387Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3382Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3392Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3405Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23550.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3386Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23030.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3410Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3265Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3370Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.