Latin

Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24

Süzlärneñ gomumi sanı 3392
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ааиқәртәаны, инеихәаԥшы-ааихәаԥшит, аха уи зыхҟьаз
гәрамгарак акәымкәа, иара, Ҭарсхан инеишьеи, насгьы
иҿынԥшылара шыҟази рыла ирхаиршҭит. Уаҩҵас аӡәгьы
аԥсшәа иамҳәакәа, дааиқәҟьашан, ишьҭахь имаҟа иавҵаз атетрад жәпа аавҵԥааны, ашәыра инҭаижьит, ахы ааидгәалашәа,
дацәхасны акаруаҭ инхәыҵаиҵеит. Астол днадыххылан, уаҟа
иқәгылаз ауатка аҟырҟырҳәа аҵәца инҭаҭәаны, цқьа уаҩԥсгьы
диҿамԥшыкәа, ажәакгьы мҳәакәа, инаихәлаҭәан, дахьцо
изымдырӡо данындәылҟьоз:

– Иқәшәазеи, уара, ари ауаҩ? – иҳәеит ахьшьцәа руаӡәк,
иҳәеит иаарҿацашәа, иара изызкыз ихаҭа цқьа иаҳартә
ишиҳәаз мҩашьо, ашәхымс данынхыҵуаз дегьааннакылеит
Ҭарсхан.
– Ажәеиԥшьаа иахьа акгьы иимҭазар акәхап, – уи инаиа­
ҭаикит даҽа хьча-шәарыцаҩык.
– Ҳа-ҳа-ҳа! Уи бзианы иуҳәеит. Аригьы дшәарыцаҩуп…
– Аха ҳара дызлаҳаиԥшым, ари дзеишәарыцо ишәарахым,
игыгшәыгым. Уцо уаауа, иҟалазеи, иахьантәарак баша
ушәарыцауазма? – ибжьы Ҭарсхан инаишьклаиҵеит. Ҭарсхан
абарҵаҿынӡа днеихьан. Дааҭгылеит. Ишьҭахьҟа шьаҿақәак
ныҟаҵан, ашәхымс днықәгылан:
– Сирманшәалеит ажәеиԥшьаа, даараӡа сирманшәлеит,
абраанӡа, хәдацәахьы, сара аҵәы сылаҵара аҵкыс, шәара
шәызҿу… – иқьышәқәа қәацқәацон, – шәара шәызегьы шәыз­
усҭцәоу шәазхәыцыр иаҳа ишәзеиӷьын! – ашацаҳәа ишьҭахьҟа
иааныжьны, амардуан дналбааҟьеит ахьшьцәа-шәарыцаҩцәа
рыччабжьқәа шишьклаҩуаз.
Ҭарсхан уажәнатәгьы гәныхәҵысҭала еиликаауа далагахьан адырҩаҽны, иаҳа ҭынч зегьы анеихишьаала дзызкылсуаз: иԥсшьара мшқәа аанҵәаны, иԥҳәыс, ихәыҷы, иара ақалақь
ашҟа ишаахнҳәлак, адырҩаҽныҵәҟьа дынкылсны Виқтор
Ҭахәыц-иԥа иеиҳәоит уи изыҳәан игәы иааҭоу зегьы. Убри
инаркны, иара, Ҭарсхан ихаҭа иԥсҭазаара зегьы даҽакала
дахәаԥшыроуп, даҽа мҩак ианиҵароуп. Уи зегьы уаҵәы,
уаҵәашьҭахь, уаха, ихы абеигари уаха, излаихигарызеи
уахатәи аҵх? Ихы игәалашәазараахыс уаха аҟара ауаатәыҩса
рыхәымгарақәа изымаатыцызт, уаха аҟара игәгьы рыхшаны
дҟамлацызт, аха уаха аҟарагьы аӡәы, дызусҭазаалак џьара аӡәы
иацәажәара даргәаҟуа дҟамлацызт. Ахьшьцәа-шәарыцаҩцәа
рахь дхынҳәырц, уажәраанӡатәи реицәажәараҿы ишзеилибамкааз нараҳәаны, днарацәажәаны, иҟоу абри ауп, шәхы пату
ақәшәҵозар, уахаҵәҟьа, уаха шьҭа ишәзыҟамҵозар, уаҵәы,
ашара адәы ианаақәло, амҩа шәықәлартә ишаацәылашалак,
сара сшәыҳәоит сшьамхы арсны, шәца наҟ, шәхынҳәы шәыԥ­
сасақәа шәшьамаҟақәа рахь… Иахьа дызлеилыскааз ала, уи
сара исҳәауа дазхәыцыртә дыҟам, иҟалап сара сгәыҵхақәеи

схьаақәеи башазар, иара итәқәа раасҭа. Уи, амилаҭ ргәадура
ҳәа ззырҳәауа, иахьа дзеиԥшыдаз ҳәа уаҩ дуазҵаар, мамзаргьы уаҵәы, сымшынҵа иахьатәи ҳаицәажәара ананысҵо
дзеиԥшраз ҳәа ианысҵозеи? Ихаҭа дызҭашәаз дацәцарц,
дазымхәыцларц, ԥсеиқәырхагас Адамыр днеихьынҳалеит
Ҭарсхан. Мчыла, ииулак убри изхәыцрахь даниас, иаԥхьа
даагылеит, аамҭа бзиақәа раан иуаҩра мҩасызҭгьы, аиҳабы
дызмоу, анцәа димоуп ҳәа ззырҳәашаз абырг. Акгьы
уаимҳәаӡаргьы, дсасны дуҭаар, уԥсҭазаара аҽеиҭанакып.
Абри азыҳәа анцәа иишаз, дзеиԥшраз иахьа? Иарбан
еиҿырԥшроу ианаалауа? Зыӷба ҵааҟәрылаз ауаҩ. Убасҵәҟьа
анысҵап – зыӷба ҵааҟәрылаз ахаҵа. Амшын агәеиужьра дхын.
Иара итәын адунеи зегьы. Амра агылара – гәазырҳаган, аҵх
неимаҳаны, ажәҩан – еиҵәа, каҷҷарала ианҭәлак, ихәыцрақәа
ҳәаак роуамызт. Агәра гаҵәҟьаны дыҟан, уаҩԥсык иаҳасабала
дызшаз, дзааӡаз амшын аԥшәымас дамоуп, аԥҳәыс бзиа
лшәындыҟәра амаӡа шылымдырра, амшын ацәгьагьы абзиагьы идыруеит, иӷбагьы ахаан ҵааҟәрылашьа амам ҳәа. Аха…
игәыӷра. Дзыхшаз, дзааӡаз, зыкәтаӷь зфауа аԥсыӡ иаҩызаха,
ицәнагеит иара ԥсҭазаарас имаз… Дыӡхыҵит. Аҟәара цәҳәыра
дықәгылоуп имацара. Амра агылара иара изыҳәан гәырӷьара
ацым, ажәҩан иадҵәаҵәало аеҵәақәа хьанҭарамзар акгьы
рыцрыҵуам.
Абасеиԥш Адамыр Арҭанба данизхәыц ашьҭахь, Ҭарсхан
ихы агәра аиргеит убри ауаҩ, иӷба даақәыргыланы амшын
ихықәгылоу, уусқәа уара ишуҳәауа иҟам, макьана уӷбагьы хыуп,
амрагьы аеҵәақәагьы макьана уара узыҳәангьы иҟоуп ҳәа
иаҳәара зыхәҭоу, изуалу иара иоуп, иаарласны егьыҟаиҵароуп
ҳәа ҟаҵашьасгьы иамоу акы заҵәыкоуп, иара еиԥшҵәҟьа
аԥсҭазаара амшын цәқәырԥара иԥнашәахьоу, иажәа хаа,
иажәа ҟәыш иаҳароуп. Ажәоуп, ажәа, уи дызҭашәаны дыҟоу
иалгашьас иамоу ажәа заҵәыкоуп.
Дзеиԥшрахарызеишь убри аус азыҳәан анҭ, ахьшьцәашәарыцаҩцәа реиҳабы, абчараҳ Соулаҳ Раԥба? Қәрала Адамыр иаҵкьыс деиҳабымзар деиҵбым. Дахьынӡеилыскааз
ала, дануацәажәо, заӷәра аурмыжьуа аҽыҩ еиԥш, ихшыҩ
аанкылауа, ииҳәауа уара иузеилымкаарҳәагьы дацәшәауа.

Аха урҭ еиқәыршәашьас, еидырцәажәашьас ирымоузеи. Убри
ҟазшьас иеиҭаша дшазхәыцуаз, ибла даахгылеит даҽаӡәы,
даҽа быргк – Бақьыр-иԥа Ҳараз. Адамыр идагьы, иара,
Ҭарсхан ихаҭагьы иаха ибла иабазгьы, илымҳа иаҳазгьы наҟ
днарылызгаша, Адамыргьы иаргьы уаҵәтәи амш иаԥыргалаша
иакәны диԥхьаӡеит ауаатәыҩса ирылҵхьаз убри ауаҩ.
Аҩышьа сақәшәаны иансызҩы, аҵкьыс еиӷьу ажәабжь Чеховгьы изыӡбуам – ашәҟәыҩҩы иҩымҭа аперсонажи иареи
реиқәыршәара. Иӡбоу – ихҭҳәаау афырхаҵа иакәым, абарҭ
ҳаиԥш адәы иқәу ауаҩ, аха асахьаркыра-документтә ҩымҭа
фырхаҵас иамоу ауаҩи, литературатә фырхаҵаны уи дҟазҵази
реиԥылара, урҭ реицәажәара, рыблақәа реихәаԥшышьа мацарак. Уигьы акәым, уара, ажәа азҟаза ду, сара ауаа сырдыруа
сҟазҵаз уара уоуп, иҭабуп ҳәа иеиҳәар… Сан изласалҳәалоз
ала, Бақьыр-иԥа Ҳараз ихьӡ-иԥша аҭыгара, нас, уи ахьӡаԥша ихы иархәаны ақыҭа ашьҭыхра, уимоу, иара, Бақьыыриԥа Ҳараз дыдмырӡкәа иеиқәырхарагьы зыбзоуроу Адамыр иоуп. Ашәҟәыҩҩы изыҳәан уи еиҳау иарбану – уажәа
ԥсеиқәырхаган ҳәа иаҳар.
Иҟан, иҳәеит, ҳәынҭқаррак аҿы аҳаки аҳкәажәки. Раҳҭынра
шықәсыкгьы аҽыуаҩ дзакәшомызт. Раҳҭны ҭыԥҳацәа, раҳҭны
арԥарцәа рымаҵ руан, иҳәеит, аурҭа рибамҭо. Рыԥсасеи
ршьамаҟеи ҵҩа рымамызт. Агаҿа дара иртәны, иреиӷьыз
ашьхақәа рыхьӡ рхын. Ҿык бзык иаҳәоз, бла иабоз, ԥхыӡ
иалашәоз акгьы рыгмызт аҳи аҳкәажәи. Урҭ ирыман даҽакгьы,
амали амазареи иреиҳау, аҳреи аҳкәажәреи ираҩсуа. Урҭ
мышкы шьыбжьаанӡа еибамбар иԥсуа бзиа еибабон, рыԥсқәа
еихәлан, иҳәеит. Абас зегьрыла анцәа игәаԥханы адәы
иқәыз аҳи аҳкәажәи, иҳәеит, иззшаз анцәа иалхәдаитәит,
иҳәеит, аҳра аҳкәажәра аҵкысгьы еиҳау, егьа мал, егьа мазара ахҭнуҵаргьы иузаамхәо, иҳәеит. Урҭ дрымамызт ахшара, иалхәдан анра-ԥара, абра-ԥара иацу аигәырӷьара.
Еиҳарак ахшарадара хьааргон дара аныҟамло аамҭазы раҳра
зырҭо даныҟамло. Иаҳа-иаҳа рықәрахь инаскьон, иаҳа-иаҳа
ргәырҩа-рхьаа иазҳауан, иҳәеит, аҳи аҳкәажәи. Уахык аиарҭа
дылаиомызт аҳкәажә лшьапқәа арсны, аныхачаԥа аҿаԥхьа
дымматанеикәа, ашьыжь шара даԥымлацызт, абри ашҟа

лхы рханы, анцәа димыҳәацкәа ахшара лцәа далашәарц,
рыҵәҩаншьап имырӡырц. Убас ишааиуаз, иҳәеит, аҳкәажә
уахык дахьнышьҭалаз убас ԥхыӡ илбеит, иҳәеит, ԥхыӡла
дылҭаан, убас леиҳәеит, иҳәеит аԥаимбар: «Сара издыруеит, аҳкәажә бара бзыргәаҟуа, инаӡоит, аҳкәажә быгәҭыха,
быматанеира анцәа ду иаҳаит. Бара бцәа далашәоит аҵеи,
быхшараурагьы мариахоит. Аха убарҭқәа рзыҳәан, аҳкәажә,
бара иҟабҵар акәхоит акы. Ибыхшауа аҵеи, бара, аҳкәажә,
бара бнапала дбааӡароуп, анаӡӡеицәа дахьрыбымҭо акәым,
бара бгәыԥҳәы ахш дахьаҵабҵогьы азхом. Бҵеи дҩеидасны,
имышәхәы аамхны, иара игәаԥхаз аҭыԥҳа даалхны, иҳәеит,
аԥҳәыс дааигаанӡа, бара аҳкәажә, быԥхӡашала иаабрыхуа
афатә, ма иара иҿабҵалароуп, уи афатәгьы, бара бымаҵ шыруа еиԥш, бара, аҳкәажә, бара бхаҭа даҽа уаҩԥсык амаҵ ируны, убраҟа ибырҭо ала дныҟәыбгароуп, иҳәеит, бҵеи. Знык,
имшәхәы аамхны, аԥҳәыс данааигалак инаркны, бара бхы
бақәиҭуп, иҳәеит.
Аҳкәажә лыԥхыӡ дшаалҵыз, иҳәеит, лшьамхқәа нарсны
аныхачаԥа аҿаԥхьа дҩагылан, иаауҳәаз зегьы шынасыгӡо
ала ҭоуба зуеит, ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп, уаргьы инагӡа
исоуҳәаз, ахшара дсаҭәашьа, лҳәеит.
Абри аҵх, абри амш инаркны, иҳәеит, лышықәс ааҵаанӡа,
аҳкәажә ахшара длоуит, иҳәеит. Ахшара, аха ахшарақәа зегьы еиԥшума! Зегьрыла дызшаз дигәаԥханы дшишаз мҩашьо,
алаԥш цәгьа илаԥш ицәиҵәахыртә дыссирын, иҳәеит. Аҳкәажә
лыхшароура ашьҭахь, лымч ааины, лшьапы дшаақәгылаз
аԥааимбар илеиҳәахьаз, ишынасыгӡо ҳәа ларгьы ҭоуба
илҭахьаз акәын, аҳҭны ҳәсақәа реиԥш лҽааилаҳәаны, дцеит, иҳәеит, маҵура. Аҳҭныԥҳәыс лымаҭәақәа лшәылҵеит,
аҳәыркьицәа ршәыра шьҭылхит лысаби ифатә злаалгаша, иҳәеит, аха аҳкәажә дшаҳкәажәыз ҵәахышьас иамаз,
лныҟәашьала мацарагьы дырдыруан, иҳәеит, насгьы ари
ажәабжь, аҳкәажә ахшара дшаалоулак нхаҩык, уаҩԥсык
иҩнаҭахьы маҵуҩы ԥҳәысс дцараны дшыҟоу аҳҭынраҿы
ирылаҩхьан, ирдыруан, иҳәеит. Уажәы аҳкәажә аҳҭныԥҳәыс
лымаҭәа ажәмыжәқәа лышәҵа, ларҭмаҟ лазқәынҵа ақыҭа
далала, иарбан ҩнаҭоу иалсхра ҳәа лҿаныналха, џьоукы,

анхацәа аҳкәажә лхаҭа маҵуҩыс дсоуеит, саргьы, исыхшазгьы, урҭ ирыхшогьы, аҳкәажә лхаҭа маҵуҩыс дызмаз ҳәа
ҳахыҽхәалап ҳәа, дара рышҟа дымҩахыҵырц, агәашәқәа
лзаадыртуан, иҳәеит. Даҽа џьоукых, иҳәеит, умаҵ луеит,
уаргьы уи умаҵ ахьынӡалуа аҳкәажә лхаҭа маҵуҩыс дсымоуп ҳәа уҽхәалап, аха уи умаҵ луеит лысаби, лцәа иалҵыз
имшәхәы исаанӡа, аԥҳәыс дааигаанӡа, уинахыс, имышәхәы
анааисалак адырҩаҽныҵәҟьа аԥҳәыс дизааргоит, аҳкәажә
дхынҳәуеит лаҳкәажәрахь, усҟан уара ишԥауԥсыхуо,
илхашҭып угәахәуама уҩны анылурԥссоз, умаҭәажәқәа аныл­
урӡәӡәоз ҳәа, илыцәшәаны, ргәашәқәа адыркуан, иҳәеит.
Аха анхацәа ирхашҭит, иҳәеит, дара ракәымкәа, алаԥшра
лара, аҳкәажә ишлымаз, иҳәеит. Ухаҵоуп абри аҩнаҭа алсхит,
абраҟа амаҵ сулар сҭахыуп ахьылҳәаз акәша-мыкәша. Џьара,
ҩыџьара, хыџьара инақәылкуеит, аха излалгәамԥхаз здыруада, илгәамԥхо дышнеиуаз, гәашәк даавалеит, иҳәеит. Агәашә
дааҭалан, ашҭа дынҭаԥшит, анхара-анҵыра днахәаԥшит,
иҳәеит, абраҟа илгәаԥхеит, иҳәеит, аҳкәажә. Анхара-анҵыра
бзиа имоуп, аха ихаҭа, зымаҵ бурц бнеиуа уаҩы ԥсымыцқьак
иоуп, дыџьнышуп, аҳкәажә, уи иҩнаҭа ҳазбаҭәашьауам ҳәа
ларҳәеит, иргәаӷьит, аха зныкыр аҳи аҳкәажәи, егьа ажәа
ҟәыӷа иҳәаргьы, рнапаҵаҟа иҟоу рҳәатәы иазхәыцхьоума,
дара ирҳәо ҟарҵароуп, арахьгьы, иумбои, иаҳа-иаҳа
аҽылгәанарԥхон, иара, аԥшәмагьы ихы лгәаирԥхон, иҳәеит,
ани, лылаԥш зыдхалаз анхара. Уиаҟара заҳҳәарызеи, аҳкәажә,
иҳәеит, абри, аԥсымыцқьа иҩны маҵуҩ ԥәҳәысс лхы ҟалҵеит,
иҳәеит. Иахьа шар хәлаанӡа амаҵ луеит, ахәлара ианналагалак, иҳәеит, ахьтәы фаетон агәашә иаадгылон, лхәы илфашаилжәша налиҭон зымаҵ луаз, лаҳҭынрахьы дхынҳәуан, данааигоз еиҭа уахь амҩа днықәлон, иҳәеит, аҳкәажә.
Абас ишыҟаз, иааит, зегьы ззыԥшыз амш лаша, иҳәеит, аҳи
аҳкәажәи рыҷкәын заҵәы имышәхәы исартә изҳаит, иҳәеит.
Имышәхәы шааисаз адырҩаҽныҵәҟьа, нан, уажәшьҭа атәра
дҭыга уан, иахьаҵәҟьа ԥҳәыс даага, даага уара иугәаԥхо,
усоуп аԥааимбар ишсеиҳәахьоу лҳәеит, диашьапкит ианаҳкәажә, иҳәеит. Аҳ иԥа игәаԥхаз, аҳкәажәс бҟасҵоит ҳәа
зеиҳәаз ицымцоз дызусҭадаз, иара игәы зызцаз аҽныҵәҟьа

дааигеит, изымҭодаз, аҽныҵәҟьа ачара иуит, иҳәеит. Ԥҳәыс
дааигеит аҳкәажә лԥа, ԥҳәыс дааигеит, аха иааигада? Абни,
лара, зыҩнаҭаҿы зымаҵ луаз, аԥсымыцқьа иԥҳа дааигеит. Аҳҭынра-уаа ируазма ари! Ҳаҳкәажә имаҵ анылуаз
иаҳзычҳауамызт, илаҳҳәаз хамҵакәа дахьцаз ҳгәы иалан,
уажәы уигьы азмырхакәа, аҳи аҳкәажәи аныҟамло инаркны
ҳара аҳкәажәс дҳауа аџьнышь иԥҳа, аҳас дҳауа, аԥсымыцқьа
имаҳә, ҳара ари аҩыза ҳзычҳауам рҳәан, дад, ажәлар
ҩагылан, иҳәеит, аҳгьы, аҳкәажәгьы, урҭ ирыхшазгьы, рызегьы раҳра иахырҳәеит, иԥхарҵеит, иҳәеит. Ҳара ҳшыҟамло
ҳаҳра знапаҿы инҳажьуа уаҩ даҳҭынхом, ҳаҳра ыҵабгоит ҳәа
дхәыцны илаҭәамыз аус аҿы лхы наганы, маҵуҩы ԥҳәысс лхы
ҟаҵаны, аҳра изынҳажьуеит ҳәа дгәыӷны зҵеи дзааӡаз, уажәы,
дшымгәыӷӡоз ала исҳәеит, аҳгьы, лара аҳкәажәгьы рыԥсы
шҭаз раҳра иахырҳәеит, иԥхарҵеит, изыхҟьада? Абасҟак
лхы аџьыка ықәыхны илааӡаз лҵеи! Ҳәаак амамызт аҳкәажә
лгәырҩа. Уаҳа илзымычҳаӡо даннеи, уахык данышьҭалоз дызшаз ихаҭа шәиԥхьыӡс иҟоу зегьы наизышьҭны дышьҭалеит.
Ацәа данҭанагалоз, дынҭанагалеит аԥхыӡгьы. Ажәҩан
далхәхәа даакылсын, лхаҿы днықәтәеит аԥааимбар. Анцәа
усгьы уи иҿалоуп дышцәажәо, иусқәа злаҟаиҵо.
– Ибыхьзеи, аԥҳәыс, агәалақәа бымоуп ҳәа иаҳаит ҳазшаз,
сыбзыӡырҩуеит, –иҳәан ҿааиҭит аԥааимбар. Аҳкәажә ҳәа
акәымкәа, иара изыҳәан усгьы зегьы еиҟароуп, иуааԥсыроуп
ауп, уаҳа акгьы, аԥҳәыс ҳәоуп дышлацәажәо.
– Исызиаҳәа агәала дуӡӡа шсымоу, сгәахы ашәы шашәиҵаз.
Уара уакәӡамыз, аԥааимбар, ахшара бцәа далашәоит,
аҵеи дбыхшоит, аха маҵуҩыс бхы ҟаҵаны, быԥхӡашала
дбааӡароуп ҳәа сазҳәаз? Маҵуҩыс схы ҟасҵеит, дсааӡеит, аха
иаҳзиузеи иара? Аџьныш, аԥсымыцқьа иԥҳа ԥҳәысс дааигеит, ҳажәлар ари рычҳауазма, ҳазегьы ҳаԥхарҵеит, ҳаԥсы шҭаз
иаҳцәыӡит ҳаҳра. Уажәраанӡа, аԥааимбар, анцәагьы уаргьы
ишәызкызҭгьы сныҳәаԥхьыӡ, уажәшьҭа сара сҟынтә шәара
ишәызкхоит ашәиԥхьыӡ, – лҳәеит аҳкәажә.
– Бара, аԥҳәыс, – ҿааиҭит, иҳәеит, аԥааимбар, – анцәеи
сареи ҳакәым бзызгәааша, бара базгәаа бхы, бхы иазыбымуз акгьы бмыхьит. Анцәа ибзааицҳаит, сара ибасҳәеит аҵеи

данбоулак, быԥхӡашала ауаҩԥсы имаҵ уны, иаабрыхуала
дбааӡароуп, убасҟан еиқәхоит шәаҳра ҳәа. Бара имал-имазара быхнахын, аԥсымацқьа, аџьныш имаҵ буан, аџьныш
имбхуаз ала ибааӡаз, аџьныш диеиԥшхон, уаҳа дзеиԥшходаз,
ԥҳәыссгьы уаҳа иааигодаз аџьныш иԥҳа лаамышьҭахь, иҳәан,
бымш аабзиахааит ҳәа, дахьынтәааз, ажәҩан дналашәкәа
дцеит, иҳәеит, аԥааимбар.
Реихәаԥшышьа, реицәажәараҿ еибырҳәауа, акгьы иеиҩ­
жьырц иҭахымызт.
Иџьеишьеит реиԥылара иара игәы иаанагоз еиԥш,
гәырӷьала, џьеибашьарала иахьыҟамлаз. Уимоу, убасшәақәа
игәы иаанагеит: Адамыр Бақьыр-иԥа Ҳараз даниба, зыԥсы ҭоу,
ибзианы иидыруа уаҩԥсык иеиԥш акәымкәа, иҟаӡам, адунеи
ианыҵхьоу аӡәы инаур акәызшәа иааҩналаз.
– Аа, уара уоума?! Уааи, уааскьа арахь, – иҳәеит, дегьы­
мгылакәа, астол дшадтәалаз, икаламгьы шикыз, ашьшьыҳәа
даахьаҳәны.
– Уеилахан, избоит, уххь згеит, Адамыр, аха Ҭарсхан
дансыҳәа, саргьы, сгаӡарала, уахак иаамҭа ицәҳарӡргьы баша
ицәыӡрым сҳәан…
– Уааи, арахь уааи, сыузыԥшын, уажәраанӡагьы уаауаз
џьысшьон, – иҳәеит Адамыр, иҳәашьа убас иҟан, дзацәажәоз
дуаҩԥсны акәымкәа, инаур иҭаазшәа, дыззыԥшызгьы убри
анаур акәызшәа. Аха Адамыр иԥшышьагьы, ицәалашәашьагьы
раԥхьа, азнык азыҳәан, ажәа аимакра ашҟа ииасны, «дызлаз аԥхыӡ» далҵаанӡа дзеиԥшраз азыҳәан, аҵх агәы
инахысхьанеиԥш, Бақьыр-иԥа Ҳарази Ҭарсхани Адамыр дааныжьны иандәылҵ, рыԥхьарҭақәа рахь ианцоз
даҽакалоуп ишиҳәоз Бақьыр-иԥа Ҳараз. Ииашахазгьы убри
ауп. «Ҳаннеинахысгьы дышҳацәажәоз, дышҳахәаԥшуаз
гәоум­ҭаӡеи? Еиҳарак сара. Еиҳарак закәи, сара соуп ус
дызхәаԥшуаз, ус дзацәажәоз. Аԥсрада гәыӷырҭа змам, уахгьы ҽынгьы аԥсцәаҳа дышизԥшыз игәаҟхьоу, сааит, абар
сахьыҟоу, сааит узгарц ҳәа аԥсцәаҳа даниҭаалак дшиԥылара
дысԥылеит, дышиацәажәара дсацәажәеит. Убри азыҳәаноуп
саргьы иаҳаҭыр зысымбаз». – Даҽа мшқәак исаӡазҭгьы, салгон абраҟа уск саҿын.

– Сара сумыхәацзар суԥырхагамхацызт, ҳаҭыр зқәу
Ада­мыр Алмасхан-иԥа. Уажәгьы сзааиз убри азыҳәаноуп.
Сара, уххь згеит, иуаҳахьазар, уимоу абзиа ҟасҵоз џьшьаны,
агәрагаҵәҟьаны, ацәгьара амаҵ шызуаз анырба, сыԥсҭазаара
ҽԥныҳәа бааԥсык иаҩызаха, ауаа рҿы сыбла сызцәырымго
саныҟала, изгәаӷьышаз сзымгәаӷьит, ахаҵара сзымхеит, Адамыр Алмасхан-иԥа, аха ахаҵареи агәаӷьреи сызхеит даҽакаҿы
– сыԥсы шҭаз ауаа схы рԥырызгеит, – ауада акәакьаҿы игылаз адиуан днықәтәеит Бақьыр-иԥа Ҳараз. Ҭарсхан игәеиҭеит
уи ус зиҳәаз. Иҭахын Адамыр дызлоу «аԥхыӡ» далхны
дирхынҳәырц, иааиз анаур акәымкәа, дышуаҩԥсу. – Уара, уххь
згеит, иугәалашәозар акәхап ҳаиқәшәарақәа, ҳаицәажәарақәа.
Убасҟангьы иуасҳәеит, уажәгьы еиҭа иуасҳәахуеит, ҳаҭыр зқәу
Адамыр Алмасхан-иԥа, иҭабуп идуӡӡаны исзыҟауҵаз азыҳәан.
Ҩынҩықәра нысҵыргьы исызшәом убзиара. Абзиараҿы
иҟоума, уара улоуп сыԥсы шҭоу. Иугәалашәоит, аколнхара
ахантәаҩыс сыҟан. Аоблигациа мыждақәа раахәаразы аплан
иҳақәыз сзынамыгӡеит. Шәанаџьалбеит, ауаа цәҳарҳәит.
Ирфо иржәуа рымам, – дагьҩагылеит Бақьыр-иԥа Ҳараз,
араикомаҿ абыржәы аҳәара даҿызшәа, – арахә ракәзар,
рцыгәқәа рымҭиуазар, уаҳа акгьы рызнымхеит, шәрылгеит,
ихшәырҵәеит анхацәа ҳәа санықәгыла, сҭакразы ашәҟәқәа
реиқәыршәара иалагеит. Ашьҭахь, иугәалашәозар, уара
уҿы снеит. Абасоуп иҟоу, сзыхдырҟьогьы абри ауп анысҳәа,
убасҟаноуп, мшәан, уареи сареи ҳаибадыррагьы аналага.
Уара уааит ҳқыҭаҿы, уцеит араикомахь. Убри ауаҩ иус сара
исышәҭ, депутатк иаҳасабала сара сиазҵаауеит ануҳәа, уара
мап уцәызкуадаз. Ашьҭахь, ишудыруа, статиа хәыҷык уҩит
исызкны. Ари ианбыкәу? Аибашьра анеилга адырҩашықәсан,
1946 шықәсазы акәын. Унапы мшын, Адамыр Алмасханиԥа, ҳқыҭагьы саргьы мышрақә иҳахькьысуан унапы, есааира ҳаиӷьхо ҳҿынаҳхеит, – даахынҳәны дааин, адиуан
деиҭанықәтәеит. Иганахь иҽавакшәа дтәан Ҭарсхан. Ижакьа еилачыра инапқәа алшьуа итәаз Бақьыр-иԥа Ҳараз
днеиҿаԥшит иара иакәу иакәыму еиликаарц иҭахушәа.
Арахь дааигарц иара иҿы даннеи, зынӡаск даҽакын ииҳәоз.
Дызусҭада, ианбыкәу игәы иҭаҵәҟьоу аниҳәауа?

– Исгәалашәоит, Бақьыр-иԥа Ҳараз, исгәалашәоит, –
иҳәеит Адамыр. Иааԥсахны, зыхтра ицәуадаҩыз иблақәа
ааирыцқәеит. Икалам астол иқәыршәны даагылеит. – Уара
иуҳәаз гәыкала иуҳәоушь? Агәра сызгом, – длагылеит еидара
хьанҭак даҵақь. Дызлаз маҷ-маҷ алҵра даҿын. – Ҳхаҿы даагап ашәҟәыҩҩы, зымра аҭашәараҿы инеины инхықәгылаз.
Исҳәаз, изуз, сзыхьчоз, сызхьымӡац, ацәгьа бзиа ҳәа ианеихишьаало… Уара узусҭада? Уи ашәҟәыҩҩы ишәҟәык афырхаҵа.
– Уи сара исхашҭуама?! Убри азыҳәан мацарагьы суеи­
хырхәаны иҭабуп ҳәа уасҳәароуп, – иҳәеит Бақьыр-иԥа Ҳараз.
Еиҭах уаанӡа ииҳәаз акәӡамкәа зынӡаск даҽакуп ииҳәаз.
Сиеихырхәаны иҭабуп ҳәа иасҳәеит иҳәозма, уара узыҳәан
абасҟак абзиарақәа ҟаиҵахьеит, дызлазбаз ала, уадаҩра
бааԥсык дҭашәеит, уаргьы уицхраарц ууалуп, иузкны ииҩхьоу
ашәҟәы мацарагьы зыԥсоузеи анысҳәа, ажәа џьбарас иҟаз
зегьы нациҵон, иԥжәаны икасыжьхьеит уи исзикыз ашәҟәы
иҳәеит.
– Ҳҿынаҳхап. Абас ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара анеихишьало
аамҭазы, иуасиаҭ ажәа иҳәарц дшаҿу, дааҩналеит иҩымҭак
афырхаҵа. Уи абасеиԥш иҟоу персонажуп, егьырҭ иҩымҭақәа
рфырхацәагьы реилкаара мариоуп абри ауаҩ дызусҭоу удыруазар, убасҟак еизааигәоуп, анык илыхшаз ахшарагьы ус
изеиԥшхарым. Дааҩналаны дааигеит уи. Дызусҭада? Сара
суазҵаауеит, Бақьыр-иԥа Ҳараз, узусҭада, иаа, ишсоуҳәара,
узусҭада, уабаанагеи?! – иҳәеит ибжьы ҩҭцаны Адамыр, наҟ
диԥырицарц иҭахны. Еибадыруеижьҭеи, аибадырра мацара
акәым, Адамыр иҩымҭақәа рзыҳәан зыԥсы ҭоу персонажны
дҟалеит Бақьыр-иԥа Ҳараз. 1946 шықәсазы раԥхьаӡа иара
изыҳәан статиа хәыҷык иҩызар, уиаахыс сынтәа 1986 шықәсазы
иҵит ҩынҩажәа шықәса, ари ԥсҭазаарак ыҟоуп, Адамыр
иреиӷьу иҩымҭақәа анаԥиҵаз абарҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟалоуп.
Иқәыԥшра, иуаҩра рҭәымҭа ашықәсқәа изыдҳәалоу ауаҩ, ихаҭа
деиҭасӡамзаргьы, убарҭ аамҭақәа ахьигәалаиршәо азыҳәан мацаракгьы. Ҳаҭыр ақәиҵар ауан, ииҳәо иаанагозеи, ишԥеилкаатәу
ҳәа Ҭарсхан игәы дҭахәыцуан, изқәиҵара издыруамызт.
Длеиҩеиуа ахәҵәы ҟаҟаны апапирос дахауа, иажәа ина­
циҵеит Адамыр:

– Сара суазҵаауеит, Кьараз иалаз, Нестор Лакоба ихаҭа
идҵақәа назыгӡоз, Асоциалисттә Џьа афырхаҵа Бақьыр-иԥа
Ҳараз, сара абас суазҵаауеит: иуҭахузеи, узсыцрымҵуазеи?
Иаа, узсыцрымҵуазеи?!
Ҭарсхан убасҟак ицәымыӷхеит, ажәакгьы мҳәакәа, Бақьыриԥа Ҳараз имахәар нҭарсны дахеит, ҳцап, наҟ ҳаиԥырҵып ҳәа
ирбауа, аха Бақьыр-иԥа Ҳараз, уажәраанӡа ҭынч инацәақәа
злишьуаз ижакьа иааҿарбаӷьаны иааникылеит, иблақәа
мцаԥшьк нархыҳәҳәылан, иқьышәқәагьы аақәацқәацеит.
– Саншьа ду, Адамыр Алмасхан-иԥа, сара соуп Бақьыриԥа Ҳараз арахь даазгаз. Иахьа, иугәалашәоит, ацҳаҿы
ҳаицәажәара. Ҳанеиԥырҵуаз гәала хьанҭақәак урыҵазшәа
збеит, – иҵегьы днеиҵаӷәӷәаны, дыштәаз ҿааиҭит
Ҭарсхан. – Сара соуп шәеиқәшәара еиҿызкааз. Разҟыла
абраҟа ҳаиқәшәеит ҳара, Аԥсара ақыҭантәиқәа. Уаҵәы
Виқтор Ҭахәыц-иԥа шәарыцара иццарц иааз ахьшьцәаашәарыцаҩцәа, Сафер Сакәыт-иԥа, шықәса ҩынҩажәи
жәаба ҳара ҳқыҭа иахагылаз Бақьыр-иԥа Ҳараз, сара уажәы
уаҟа сынхом, аха саргьы, иудыруеит, Аԥсаратәуп, уара, саншьа ду, еицырдыруа ҳашәҟәыҩҩы Аԥсаратәымзаргьы,
ҳқыҭаҿ изныкымкәа унеихьеит ҳара иҳалиааз аӡәы иеиԥш
уҳаԥхьаӡоит. Шәара шәҩыџьа шәеиқәшәара мацара акәым,
ҳара иааны иҟоу Аԥсараа зегьы ҳааиқәшәаны, ҳнеидтәаланы,
ҳнеицәажәар…
– Иаҳурҳәозеи, дад, уххь згеит, ҳәатәыс иҳамоузеи?
Сара исҳәашаз сҳәахьеит, ари, – инапы Бақьыр-иԥа Ҳараз
инаиқәикит, – дахьызбо азы иахәо џьшьаны иааугаз, аԥаршеи
иҟаиҵаз ҟаиҵахьеит. Уара иуҳәашеи иҟауҵашеи урызхәыц,
убриаҟароуп уара иулшауа.
– Абраҟа нҵамҭак узаазгеит, ихшыҩырҵагоу лакәуп.
Уажәааигәа ианысҵеит, – итетрад бӷьыцқәа иџьыба иааҭиган,
Адамыр инапҩымҭа истол инықәиҵеит. Иҭаххеит еиҭа уи ирыдамхаргьы дрыԥхьарц. Иҟалаз идыруазҭгьы, аԥхашьара даиааины уи инапаҿы иааникыларц, цәаҳәақәак рыԥхьара акәым,
иӷьычуазаргьы игон аухаҵәҟьа, еиқәирхон, аха Ҭарсхан ааибышьа змамыз ааирбырц дахьаҿыз иахҟьаны, Адамыр
инапҩымҭа акәым, ихаҭа ихы изеиқәмырхеит.

– Ҳарҟәаҵып егьырҭ зегьы, уххь згеит, Адамыр Алмасханиԥа, – ҿааиҭит Бақьыр-иԥа Ҳараз, ижакьагьы ноуишьҭит,
– уареи сареи аибыҳәатә ҳамаӡами? Сара ауаа рыла
сызҭамԥшуа, схы анысзымгәаӷь, сыздыруа уаҩԥсы сахьимбаша ҳәа сахьықәҵыз, абар, уажәшьҭа хәышықәса раахыс
аҳаԥы сахьхәыҵоу, ишсоуҳәара, Адамыр Алмасхан-иԥа, уареи,
уара уеиԥш зеиԥшуи акгьы шәхараӡами? Еибыҳәатә ҳамаӡам
ҳәа даауеит, ибара сахьааизгьы иаҭәеишьом. Иҳаргылауа
баагәароуп, азқьышықәсақәа ирықәлахоит, џьанаҭ тәарҭахоит
ҳәа агәра ганы ҳаныҟаз, уи абаагәара аргылараҿы еиҳау
ахаҳә шьҭыхны иалазҵада ҳәа еимаҳкуан, уажәы абаагәара
абгара ианалага, сара уи ашьапы зкыз иреиуоу, уа ҳәатәыс
ишәымоузеи ҳәа уаауеит, саныҩнала, ҳаиуанк аҟарагьы пату
сықәумҵеит, сара соума утәарҭа иаԥсам, узхамыҵгылоз?
Ииҳәо иҿамшәо даанхеит Адамыр. Аилкаара мариан:
асеиԥшқәа иҳәауа димбацызт Бақьыр-иԥа Ҳараз.
– Убрак уиашоуп, саҭоумҵан. Уаԥсам ҳәа акәӡам сзу­
хамҵгылаз. Уи аҳәара маҷк иуадаҩуп. Сара сахьыҟаз, уара уахьаанагоз, сызлаз… Изаҭахыузеи, ухаҵгылашьа сақәымшәеит,
саҭоумҵан. Уажәшьҭа ҳалацәажәап абаагәараҳәа иуҳәаз. Сара
ибзианы исгәалашәоит уара иухыҵуа. Кьаразаа абна ианылаз,
зеижә шықәса раан, жәаф урҭагылан, уажәы ԥшьынҩажәи хԥа
ухыҵуеит. Шәара ишәыргылаша шәыргылахьан, иҟашәҵаша
ҟашәҵахьан сара саниз. Уара узыҳәан сара раԥхьаӡа астатиа
хәыҷы анысыҩуаз, 1946 шықәсазы 23 шықәса сырҭагылан.
Иуасҳәап исыхьхьоу, уара узыҳәан изызҩыз? Саргьы ақыҭа
иааӡаз уаҩуп. Сани саби цәнарҳәхьан ашәахтәи аблигациеи.
Ашықәс анынҵәоз, рџьабаа иахҭныҵны ироуз акы заҵәык
акәын – иааҳәны ауал рықәшәон. Сзыхдырҟьо абасоуп ануҳәа,
ауаа ргәаҟра здыруа аӡәы дцәырҵит сҳәон… Сқәыԥшын, сгаӡан,
хыхь-хыхь избоз азсырхиеит, инарҵауланы сазымхәыцит
ухы-уҵыхәа. Ҩажәи жәибжь раангьы, Аԥсара уахагылаӡамыз?
Ари, – Ҭарсхан инапы наиқәикит, – ари иаб дандырӡуаз 1949
шықәсазы ақыҭа знапаҿы иҟаз уара уакәӡамыз?!
– Иашоуп, сара соуп, – дазыгәдуны ҿааиҭит Бақьыр-иԥа
Ҳараз, – урҭ ашықәсқәа рзыҳәан мацара акәӡам. Советски власт, раԥхьаӡа Аԥсара ианааиуаз раԥхьа сгылан, апар-

тиа сшаламызгьы еиҿыскаауан, акомҿаррагьы раԥхьаӡа
Аԥсара еиҿызкааз сара соуп. Сара иахьагьы срылан Кьаразаа иманы абна данылаз, абастәи шьхала Нхыҵҟа данцоз, ишьапы ԥҵәазшәа, алаба данҵаны, аӡиас дырганы
ишьҭра сахьалахәыз. Сара, уххь згеит, Адамыр Алмасхан-иԥа,
сыԥхӡаша здысҵаз, сыԥсҭазаара зыхҭнысҵаз абаагәара сгәы
ахшәама ахымшәама, уи сара исусуп. Иашоуп схаҭагьы избеит ахаҳәтә баагәара ацынхәрас, алтә ҵәҩан шыҳаракыз,
аха саҽԥныҳәара, уххь згеит, аӡәгьы азин имам, избанзар, абзиа ҟаҳҵашт ҳәа агәра гаҵәҟьаны ҳаҟан. Убри акы, ҩбагьы,
иахьынӡасылшоз срыцхраауан снапаҵаҟа иҟаз.
– Сибраҟа ишәмышьҭыз, ишәцәынхаз, аха анҭ, Сибра аҵаа
иашәыргоз?!
– Убри иаб, Ҭамел Ҭрамба иакәзааит, уаанӡа идырӡыз ракә­
зааит, дарбанзаалак аӡәы изыҳәан Бақьыр-иԥа Ҳараз дҭеикит,
ашәҟәы изалеиҵеит ҳәа уаҳауазар, убраҟа сыламыс цқьамзар,
адыд-мацәыс абраҵәҟьа сыхәнаҵәааит. Ииашоуп, исзымыхьчеит. Хрушьчов ианоуишьҭ, ихынҳәны иаақәазгьы, убри ауп
исаҽԥнырҳәаз. Иршьыз ахьыршьызи еиқәханы ихынҳәыз
рыбла сызхымԥшылауа, гәнаҳак сыманы акәӡам сара ажәлар
сызрылҵыз. Сара исыхьыз, сыԥсҭазаара сгәы ахзыршәаз
уасҳәеит, амаалықь диааӡоз џьышьаны аџьныш дзааӡаз
сиҩызахеит. Уаангыл, исараӡа. Уара ушҟа схынҳәуеит. Ииашоуп, уара иаҳа уқәыԥшуп, Аԥсны асовет мчы анышьақәгылаз
зынӡаскгьы умиӡацызт, аха иҟамыз усҟангьы уеиԥш зеиԥшыз,
ҳара, атапанчеи аарлаҳәа анапынҵареи раамышьҭахь акгьы
ззымдыруаз абарҭ ауаа ирҳәозеишь ҳәа зҿы ҳҭаԥшуаз? Урҭ
еицҿакны иҟашәҵо ссируп ҳәа аниарҳәа, ҳаргьы иаҳагьы
агәра ҳгеит.
– Иҟашәҵо ссируп зымҳәаз ирԥеиԥшхазеи? Уи зумҳәозеи?
– Сара еиҭауасҳәахуеит, аӡәгьы дысмырӡит. Егьирахь, иашоуп, акулакцәа рмал рымхра инаркны, исыдырҵоз ҟасҵон.
Уара уакәӡамыз сзырҽхәоз, уара уакәӡами, иуасҳәақәаз
аамҭа ианаалом ҳәа, наҟ иаважьны исымҳәақәоз анҵаны,
ахьтәы иаҵәа соуртә аҟнынӡа сыхьӡ ҭызгаз? Уара уашәа, уара
уажәа зызкыз рхаҭарнак соуп сара, сухашҭма, Адамыр Арҭанба.
Уҵх аабзиахааит! – дцарц ашә ахь иҿынеихеит Бақьыр-иԥа

Ҳараз. Абзиа ҟаиҵаз џьишьан еицәаз шыҟаиҵаз збаз Ҭарсхан,
азнык азыҳәан Бақьыр-иԥа Ҳараз днаишьҭалеит дицны дцарц,
аха нас акы ихашҭны игәалашәазшәа дааҭгылеит.
–Ҳараз,Адамыр, ус ҟашәымҵан, шәара… Шәара шәҩыџьагьы,
иацҵаны ииҳәаз, ажәа џьбарақәак иқьышә иаақәыххит, аха
аҩыџьегьы рықәра дазԥшны иҽааникылеит. Ашә аҿынӡа инеихьаз Бақьыр-иԥа Ҳараз днаихьӡан, импыҵҵәраауа, иҩанҭхьӡа,
исахҭан палтакьаҿ амахәар днахьынҳалеит.
– Сара сымаҳә, исзынхаз сыԥҳазаҵә лхаҵа, уара урыц­
ҳасшьоит, папа, урыцҳасшьоит иҳәеит. Сара соуп ирыцҳаишьо,
сара абык еиԥш уаабоит ҳәа зарҳәауаз ақыҭа зегьы убри
ианасмыжьит сымаҳә, – иҳәеит, Бақьыр-иԥа Ҳараз. Ҭарсхан
идыруан уи имаҳәи иареи аханатәаахыс иахьцаз зыхҟьақәаз.
«Абыржәы дахьыҟоу узымдыруандаз, иахьа мацара сыбла иабаз, слымҳа иаҳаз азхоит, саргьы, уара уеиԥш, схы
кны сықәҵырц азыҳәан» – Уара, – уажәы иблақәа амца
нархыҳәҳәылан, Адамыр дкылкааны днаихәаԥшит, – иашоуп, уара, Адамыр, усыцхрааит, ашәарҭа санҭагылаз унапы суркит, аха изаҳамҳәозеи ашәарҭа сахьҭагылазгьы
зыхҟьаз? Схазы акыр сҭахны, акыр сашьҭаланы акәызма?
Уҟамыз сыҩны, ублала иумбеи сара нхарҭас исымаз. Сымаҳә,
Сакәыт-иԥа Сафер, анымха-хымҵәа иԥа, унеишь иҩны, Аҟәа!
Изалаҿ иҩнаршәу ауарҳал иаԥсаӡам сара сынхара зегьы.
Шәанаџьалбеит, зынӡа ихҳарҵәеит анхацәа, ашәахтәи, иблыша аоблигациеи маҷк аҟара иаагшәырха ахьысҳәаз азыҳәан,
апартиа салцара азҵаара ҩықәдыргыларц акәын, уи уаналырца, иузыԥшу, иудыруеит, бахҭоуп. Убасҟан уара усыцхрааит, иуҩыз астатиа хәыҷы, иҿаҳаит, дуӡӡак дааԥхьеит,
шәааихылаԥш, абри дхантәаҩы цәгьам иҳәеит. Ииашоуп, уи
зегьы рзыҳәан иҭабуп ҳәа уасҳәоит, аха, угәы иалымсын, Адамыр Алмасхан-иԥа, сара сыхьӡ шаҟа иҭугоз, убасҟак уи уара
ухьӡ ҭнагон, баба дукәыхшоуп. Сықәрахь саннеи ауп, сызҿыз
зегьы избашаз анызба, аха усҟан, сызҿу зегьы ссируп ҳәа
саныҟаз, уара иуҳәарауаз, Бақьыр-иԥа Ҳараз, узҿу закәызеи
ҳәа. Сырҽхәаразы иреиӷьу ажәақәа рыԥшааратәи усҟан
хәыцырҭас иумаз, уажәы сахьубогьы узычҳауам, – иажәақәа
зны иааџьбарахон, аха иааиртатон.

– Шәҩыџьегьы, шәааӡырҩи, сара ишәасҳәо издыруазеи,
аха, – ацәыԥхашьара даиааины, иԥсы шҭаҵәҟьоу аҳәара
ишаамҭаз ибон Ҭарсхан, аха дшалагара, ииҳәашаз издыруамызт, – ишԥашәасҳәари, ҽԥныҳәас ирибаҭараны иҟоузеи аҵла
аԥашәи амахәи. Шәҩыџьегьы, иара саргьы, ҳазегьы аамҭа
иахәхаз ҳауп, – ргәы иаахәап ҳәа ауп ишиҳәаз акәымзар,
усҵәҟьа иара ихы рылаиҵар иҭахымызт, – ҳаззегьы еилахәу
ҳауп.
– Убри ауп, Ҭарсхан, рыцҳарасгьы иҟалаз. Иаҳзеилмырго
еилысит ацәгьеи абзиеи. Даҳгап дналкааны, аа, абри, нас уи
ашәа ззуҳәо сара – инапы Бақьыр-иԥа Ҳараз инаиқәикит,
нас иҭаҷкәым раҵәаны игәышԥы иадкыла, ашәа инациҵеит,
анхацәа рзыҳәан иԥсы ҭоуп, ирыцҳаишьоит, дрыцхраауеит сҳәон, сажәақәа иреиӷьу иара изкны астатиақәа зҩит,
ашәҟәқәа ҭсыжьит. Аԥашәахь сымнаԥшӡеит, Ҭарсхан, аԥашә.
Ахҵәараҿынӡа иназгада урҭ, ирыцҳаишьоз анхацәа? Сымаҳә,
анымха-хымҵәа Сакәытыжә иԥа иҳәеит. Имаз уеизгьы имхны, днымха-хымҵәаны дҟазҵада Сакәыт?! Ма, абри иара
иҩызцәа роуп. Дара рацкьыс сеиӷьу џьушьома сара?! Убарҭқәа
рзыҳәаноуп, Ҭарсхан, иахьа иухашҭма ацҳаҿы иуасҳәаз.
Ҭарсхан игәы дынҭахәыцит: «Иахьа уара урҭ ажәақәа
иаасоуҳәаҵәҟьаз убас сырҟаҵызҭгьы, избазгьы збомызт,
исаҳазгьы саҳауамызт».
– Иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы, зегьакоуп шәара шәаҵкыс деиҵ­
бызаауан саб, – иажәа дналагеит Ҭарсхан, аха акы иҳәарц
иҭахны Адамыр инапы иҩышьҭихыз аниба иҽааникылеит.
– Аа, уахәаԥши абнауаҩы исахьа иҭаны игылоу абни, –
инапы Бақьыр-иԥа Ҳараз иқәкын, – абни думбои, абни иоуп
уара уаб дзырӡыз, уабгьы дирӡит, уангьы амаҵура дамихит,
уара ухаҭагьы, анцәа исылаиҵаз, амаалықь иеиԥш ихьчатәу
сыхьчоит, еиқәсырхеит, мҩак аиҭоит ҳәа, уара ухаҭагьы, дад,
Ҭарсхан, аҩсҭаа имаҵ умур ада ԥсыхәа умамкәа уҭазыргылаз,
уигьы, зегь, аа уихәаԥши, абни иоуп, наҟ, анцәа даахәаны
суҳәоит, дысԥырга.
– Сара иҟасҵаз уара исаҽԥнумҳәалан, уи сара схала
схы иаҽԥныҳәаны салгахьеит. Уара иба уара утәы. Усҟан,
сацәшәоит, уара ухы иаҽԥнуҳәаша иаҳагьы еиҳахап ҳәа?

– атыр ҳәа даақәгьежьаан, ашә ааиртит Бақьыр-иԥа Ҳараз.
Еиниршәарц, мамзаргьы иҵегьы еицәажәарц, џьара акаҿы
иааибагарц иҭахны акәмызт, ихаҭа аҩыџьегьы ажәақәак
реиҳәарц иҭахны, Бақьыр-иԥа Ҳаразгьы иаанкылара, Адамыргьы иажәа џьбарақәа рыхҽра иҽыназикит Ҭарсхан, аха
иара ишҟа даахьаҳәын, – иабыкәыз сахьааугоу, абри иеиԥш
иҟоу роуп сара иаҳагьы исзымчҳакәа сызцәыбналаз, усԥырҵ
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3320
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2205
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3310
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2272
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2122
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2196
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2230
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3382
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2251
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2291
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2329
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2206
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3370
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2247
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45
    Süzlärneñ gomumi sanı 2585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744