LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
Süzlärneñ gomumi sanı 3382
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
сныҳәаҿа аникыз сара исзуухьоу абзиара схашҭ џьушьома
иҳәеит, егьи, ацәгьа иҳабжьарҳәаз, иҟаӡамызшәа ихаиршҭит.
– Ацәгьа уҳәоу?
– Ааи, адепутатрахь акандидат изкны изҩыз ажәахә
иара ианиаҳҭа, данаԥхьа, дангәарҭа, дышьҭԥааны амардуан даҿагало дрыма иандәықәла, уара ухы акыр ԥнаҟоит
ҳәа акәу џьушьома Ҭарсхан ииҩыз даҳзаԥхьон, ихатәы
гәаанагарақәа акгьы имаӡам, иара иитәым ашәак аԥиҵаӡом
иҭауҭәо арыжәтә аԥшшәы иазхәо аҵәца деиԥшхоит ҳәа
дыухыччоит ҳәа иарҳәеит. Ацәгьа ҳабжьарҳәеит. Усҟан
дгәааит, дсацәажәаӡомызт акраамҭагьы, аха, ибымбои,
ацәгьа ихаиршҭит, бзиара ҳәа акыр ҳабжьазар, убри ауп
игәалашәараҿ иааникылаз. Исхаиршҭ мацароума, Аҟәаҟа
уиас, аусурҭа узысыԥшааит, уажәазы наукатә усуҩы еиҵбыс
уалага, нас, адиссертациа ухьчап, ҳуцхраап, еиҳау аҭыԥ уоуп
иҳәеит. Ауадақәагьы сиҭоит.
– Абасҟак абзиарақәа зегьы узыҟаҵауа, дызуцәнымхоз
еишь уи ауаҩ, убри уазхәыцу?
– Уигьы иҳәеит иаахтны. Абзиара ду сзыҟауҵахьан, саргьы уара узыҳәан бзиарак ҟасҵарц сҭахуп иҳәеит. Усоуп ишидыруа, саргьы асвидание сымоуп, ауаҩ ду иԥылара
аҵкыс Марина-Мадонна лыблақәа анарҭаԥшроуп. Иаҳа
еиӷьысшьоит, дысзыҟоуп ҳәа иасҳәаз џьыбшьома ажәахә
даԥхьарц ианиаҳҭаз, уара уеиԥш иҟоу, зхатәы гәаанагара
змам, зыԥшрада акгьы злам иоуп уи аус ианаало ҳәа,
ҳаҩнуҵҟа иара изыҳәан иасҳәақәаз наҵәахны, иаарҳәны,
зынӡаск даҽакы наиаҳәаноуп дшықәҳаргылаз. Иара уажәоуп
данполитикхаз, аха сҩызцәеи сареи усҟан ҳполитикцәаханы
ҳалгахьан. Убри акы, иҭабуп аласеиҳәарц. Ҩбагьы, иҵегьы
сзиҭахугьы сцәимӡаӡеит. Ишудыруа, Аҟәа, Қарҭ, Москва, еизара хәыҷы, еизара ду, ҳааҟәымҵӡакәа цәажәароуп ҳазҿу,
уара уажәа беиоуп, ухшыҩ ҵаруп, насгьы апоезиатә бызшәа
уҿоуп, сажәахәқәа рыҩраҿы ишсыцхраауа иҳәеит. Иаахтны исеиҳәеит, – руада ашә надыркын, ашҭа инҭыҵит,
ашкол ашҟа рхы рха, анаара иаҿаланы ианнеиуаз убри
ашьжьымҭан раԥхьаӡа иԥҳәыс илеиҳәеит, ашьҭахь Ҭарсхан
ихазы акырынтә иҳәауа, иҟаиҵақәаз риашагас ирзыҟаиҵоз
ахшыҩҵак. – Аҳәынҭқарра, Марина, иҟамлар амуазар, апартиа
ада ԥсыхәа ҳамам рҳәазар, ирыдыркылазар, еснагь иҟалоит
анапхгаҩцәагьы, убри аҳәынҭқарреи, убри апартиеи ирхагыло.
Уи ӡбоуп, ажәлар рус рылахь иануп. Ус анакәха, ламыс сымоуп,
схы акыр ԥнаҟоит ҳәа ишәыԥхьаӡауама, убри аҳәынҭқарраҿ
инхауа иҟаиҵарц ихәҭоузеи? Сара шаҟа рыла сазхәыцыз
бдыруоу убри? Ауаа ԥсыцқьақәа, ауаа ламысқәа, рҿыԥхьакны
акәымкәа, ирылшо зегьы ҟарҵароуп аҳәынҭқарра ҟаларц
ажәлар рзыҳәан, иахагылоу ауааԥсырагьы иддырҟаҵаларц
азыҳәан абзиара. Виқтор Ҭахәыц-иԥа акомҿарраҿ даныҟаз
иара курск аҿы идтәалаз иҩызак цхырааҩыс иара ишҟа днеигеит. Убри ҽнак дыҩны дааит сара сҿы. Ҭарсхан, сукәыхшоуп,
Виқтор Ҭахәыцович форум дук аҿы дықәгылараны дыҟоуп,
иажәахә аҿы иалазароуп, хәҭак ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәеи
анаукатә усзуҩцәа қәыԥшқәеи ирызкны, усыцхраа, еицаҳҩып
иҳәеит. Иабатәи еицыҩроу, уаҵәы ашьыжьымҭан уааи, имазеины иҟалоит сҳәеит. Амашьынкаҿ, икьыԥхьны х-даҟьак
сырмазеит. Иалҵызеи? Бамызҵаауеи, иалҵызи? Зыстатиақәа
рымкьыԥхьқәаз анаукатә усзуҩцәа қәыԥшқәак, аредакциа ашә
иандәылҵаанӡа наҟ иԥхарҵоз ҩыџьа апоетцәа қәыԥшқәеи
рымҩа ааснырит, рыхьыӡқәа иажәахә иахьаласҵаз ала. Абзиара ҟасымҵаӡеи?! Уи иара Ҭахәыцович зынӡаскгьы издырӡом,
ицхырааҩ иҩит ҳәоуп дшыҟоу. Уажәы, иара асеиԥш аҭыԥ
ду аҿы даныҟала, сара агәра ганы сыҟоуп инапала иҵегьы
абзиарақәа рыҟаҵара шсылшауа.
– Сшәоит, Ҭарик, сшәоит – уара уҩашьазар ҳәа – имахәар
аанылкылеит, – сара сацәшәоит, Ҭарик, уара, реиҳа бзиа узызбаз, уԥсҭазаара убри иазкызароуп ҳәа исыԥхьаӡо, убаҩхатәра,
ушәҟәыҩра иакәымк азууп ҳәа. Ҳаҟазааит абри ақыҭа
кҿахаҿгьы, егьоурым, уара, сызлауҳәо, убаҩхатәра ҭоумырхан.
Уи илшарым аҵхгьы амаҵ ауа, амшгьы иазышәаҳәауа. Сара
сымацара соума, аӡәырҩы иуарымҳәахьеи иуҩхьоу баҩхатәра
дула иҩуп ҳәа?! Изырымкьыԥхьуазеи? Изымкьыԥхьуада?
Иаха ҳзыдтәалаз, угәыдызкылаз, убри иоуп изымкьыԥхьуа,
убри дызхагылоу…
– Издыруеит, Марина, издыруеит, аха сеилкаа баргьы.
Абаҩхатәра ҳәа акыр сылазар, абыржәоуп иаҳагьы ашәарҭа
ианҭагылоу. Ари абнеиқәараҿы аҳаԥы ҳхәыҵызгаша рахәыцк
сымԥыхьашәан, уигьы бара ибгәаԥхом. Ҩышықәса хышықәса
рыла адиссертациагьы сыхьчоит, ауадақәагьы ҳауеит, нас наҟ
сыбԥырҵуеит.
–Уара ушәҟәыҩҩны аԥсабара уашеит, Ҭарик, иҟам-ианым
рымацара ракәым, зыԥсы ҭоу ауаагьы излаҟаӡам ала, зынӡаск
даҽакала иҟоушәа иуӡбоит. Ацәгьара ихаиршҭуеит, абзиара
ихашҭуам, иара инапала абзиара ихашҭуам, иара инапала абзиара сирҟаҵоит… Ҭарик, сара сацәшәоит, сацәшәоит, убарҭқәа
зегьы уара иуӡбақәаз иреиуазар ҳәа. Уара дшудырқәо рыла
акәӡам, зынӡаск даҽа уаҩызар ҳәа сацәшәоит Виқтор Ҭахәыциԥа. Аинститут ҳанҭаз, дышԥаԥшӡоу ҳәа аӡӷабцәа иӡбахә
нарҳәа-аарҳәо исаҳахьан акәымзар, уаҳа дсыздыруамызт.
Сара сзыҳәан, иҟалап сҩашьазар, аха ахаҵа иеилкаагас исымоуп ҩба: акы, аԥҳәыс дышлыхәаԥшуа, ҩба, акранифо икрыфашьа.
– Нас Виктор Ҭахәыцович дышԥахыси уи бԥышәара? –
дналазҵааит маҷкгьы аҵәы налаҵаны.
– Угәы иамургьы, дцеит дынӡааҟәрыланы.
– Ишакәым дбыхәаԥшуама? Ибцәызӡом уи аганахьала
дсыздыруам. Аиҳабырақәа, амаҵурақәа бзиа ибон, убри ауп
издыруа.
– Сара соума, ҳамаҵ зуаз аҭыԥҳацәа роума, дышры
хәаԥшуаз, иԥшышьа шыҟаз, иныҵак ииҳәоз ашәақәа уҳәа…
Уаҟа инациҵеит, Ҭарик, уи икрыфашьа. Ачуан иҭалаз ала
млашь акрафозшәа, акәац иҩнапык рыла икны дахьацҳауаз,
иқьышәқәа ирықәыҵәҵәоз ашшеи иӡамҩақәа ирылхәаҭоз
аԥхӡи еилаҭәон.
– Бара ибхашҭит баныцәа, аԥсуаа аҷқьыԥ ала акрышырымфо, – иҳәеит днахыхәмаршәа.
– Аԥсуааӡамыз егьырҭ, уаҟа иҳадтәалаз?! Виқтор Ҭахәыц
ович икрыфашьа снахәаԥшыцыԥхьаӡа, сцәыҵыԥшны сахәа
ԥшуан инаҩс итәаз анхаҩ бырг икрыфашьа. Асаан ианҵаны
акәац шаақәдыргылаз, иаразнак, зегьы раԥхьа днамҵасит
Виқтор Ҭахәыцович, раԥхьа имԥыхьашәаз ажьыхәҭа
игәамԥхеит. Уи наҟ иналаиҵеит, даҽакы аалихит, днахәаԥшаахәаԥшит, ҿаҵак аалицәцәан, уигьы наҟ иналаҵаны, иреиҳаз
даҽа жьыхәҭак егьаалихит, исаан ашҟа анагаха амҭакәа,
ишиашаз ихаԥыцқәа налаирԥеит. Уинахыс сааҭыбжак аҟара
ҳәҳәабжьгьы иаҳауамызт. Ишԥаҟаиҵеи анхаҩ бырг? Уара
ушәҟәыҩҩыми, уҭоурыхҭҵааҩыми, иануҵарауеи аԥсуаа рыкрыфашьа. Виқтор Ҭахәыцович иԥсы иманы асаан дананыҵ,
иаҳа иааигәаны иара иаԥхьа иахьықәгылаз азыҳәан,
анхаҩ бырг асаан аашьҭихын, иааигәа-сигәа итәақәаз
инарымҵаикит иалшәх, ишәфа ҳәа, иара ихәы алихаанӡа,
егьырҭ, изымҵаикызгьы, иаламԥшӡакәа, дара рганахь иҟаз,
инаихаҵгыланы, ухәи-уҿи еигымхааит ҳәа дныҳәаны,
жьыхәҭак аалхны рсаанқәа инарнырҵон. Сара игәасҭеит да
ҽакгьы. Асаан шьҭыхны изкыз, иаҳа еиӷьызгьы ажьыхәҭа
изынхеит, избанзар ианызхлакгьы иԥсыцәгьара ааникылауан. Ишԥаифоз анхаҩ бырг – ҿаҵақәак ифаанӡа, Виқтор
Ҭахәыцович, абаҩқәа рыла ианҭәы, исаан рыԥсаххьан. Изхара
анифа, иԥсы аниоу ашьҭахь, бсаан акыр бзанысҵарц бҭахума,
Марина Ивановна, иҳәахт. Имгәажә анҭәы нахыс даҽа ҳаиуан
гәаҳәарак аԥыжәара агазар акәхап, иблақәа нарыларҟацо
аҳәсақәа рыхәаԥшра далагеит.
– Исцәыбымӡан баргьы дбыхәаԥшқәазар?
– Иџьоушьаргьы саргьы лаԥшыла акыр сеиԥхьишьшьааит,
аха ихааз ҭак ҳәа акгьы анимоу даҽаӡәы далихит. Уи дыш
лыхәаԥшқәоз… Аныҳәаҿақәа ааникылацыԥхьаӡа Хрушьчов
иҟаиҵаз, Брежнев ииҳәаз… ҳәа… Убриаҟара ирыцҳау хаҵоуп,
аԥҳәыс лныҳәаҿа аниҳәауагьы, ес иҟаиҵалакгьы апартиа
аӡбахә налаиҵоит. Сгәанала, уи аԥҳәыс данлыкәаиоугьы
апартиа абас аҳәеит иҳәозар ҟалап. Сара уи изыҳәан
гәаанагарк сзышьақәгылоит: иԥсы ҭоуп, адәы дықәуп х-уск
рзыҳәан: амаҵура, аҳәса, акрыфара. Мап, раԥхьа акрыфара,
нас амаҵура, ахԥатәи аҭыԥ аҿы аҳәса.
– Раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аҳәса ахьимыргыло бара, ҳәарада
бгәы иалсит… – алаф ашҟа иниаигеит Ҭарсхан.
– Сара исзынхаз агәаанагара иашоу ииашаму еилукаарц уҭахызар, акы уасҳәоит, иҟаҵа, нас иубап. Уиазҵаа абас:
Виқтор, иаҳҳәап, бзиа дубеит ԥҳәыск, мамзаргьы аамҭала
ҳәа дугәаԥхеит, лара иуалҳәеит: иуҳәауа сақәшаҳаҭхоит
умаҵура шьҭоуҵозар ҳәа. Иулшоу аԥҳәыс лзыҳәан умаҵура
ашьҭаҵара ҳәа уиазҵаа, нас ииҳәо уаҳап. Зхы еилагаз иеиԥш
духәаԥшуазар убап. Акрыфара, амаҵура бзиа, аҳәса.
– Аиашаҵәҟьа ҟаиҵоит, уаҳагьы иҟоузеи аԥсҭазаараҿы, –
лҳәеит иԥҳәыс, лҳәашьа иаҵыжжуан гәалақәакгьы.
Амза ҭҭәааӡа изхаӡсо-ӡсоз аԥсаҵла амҵан длеиҩеиуа,
иԥҳәыси иареи реицәажәара анигәалашәа, ианеихишьала иара, Ҭарсхан, Виқтор Ҭахәыц-иԥа изыҳәан иҟаиҵахьоу,
ацынхәрас иибақәахьоу, ԥсеивгарала амза деиҭаҵаԥшын, диашан Марина, диашан иҳәеит, аха уи лиашара иара изыҳәан
иаҳагьы ихьанҭаз еидарахеит. Шықәсык ҩышықәсак рыла
ауадақәа уаҳҭап иҳәан, иабаҟоу, хәышықәса ирықәуп, исыҭаны
далгеит анаасҳәо аамҭазы, инеихеиршҭуеит. Изаҟарзаалак
дысмыцхрааӡеит адиссертациа ахьчараан. Ианысыхьчоз
аҽны, иаалырҟьаны, зегьы ааҳәын, адәаҿы иҵегьы аматериал еизигаанӡа ҳәа… аҭел днасызҭгьы аҭоурыхтә наукақәа
ркандидат ҳәа ихьчаны стәазаарын. Аегоист, ихы, уаҳа акгьы.
Ирасҳәозеи сыԥҳәыси схәыҷи… Лани лаби рҿы данбанӡаҟоу…
Уахаҵәҟьа исеиҳәааит, зыргылара иаҿқәоу рҟынтә, иарбан
ҩну ауадақәа ахьсиҭо…
Иҽырхаҵаны, ашацаҳәа иҿынеихеит Ҭарсхан, зԥенџьырқәа
алашара алԥхоз, ирҳәоз изеилымкаауа, зны ишьҭыҵуа,
ҽазны инкабо, аӷьбжьы здәылыҩуаз аӷәтәы ҩны ашҟа. Аҩны
аԥхьаҟала инагӡа-аагӡаны иаман абарҵа. Алашара аҩнуҵҟа
акәын иахьаркыз аҟнытә, адәахьы игылоу аҩнуҵҟа иҩноу дибон, аҩнуҵҟа иҩноу аԥенџьыр далԥшны акгьы ибарҭамызт.
Ҭарсхан ихы иаҭәеишьомызт аԥенџьыр даалԥшны аҩнаԥшра.
Раԥхьа имԥыхьашәаз ашә ырҭрысны даахеит, убасҟак иласны иаатит, иҿақшарц егьааигымхеит. Ҩыџьа аҭыԥҳацәа астол
иадтәалан. Руаҭәа шәпарақәа рҟынӡа ихтын, ргәыԥҳәқәа
абжараҟынӡа иааԥшуп. Аҭаҭын иахон аҩыџьагьы. Раԥхьа
иқәгылан ашампан ҩы аҵәҵақәа. Ажәақәак нарҳәақәеит
аҭыԥҳацәа, аха ирҳәазгьы имырҳакәа, иаргьы аԥсшәа
рамҳәакәа, дшыҩнашылаз еиԥшҵәҟьа, ашацаҳәа ишьҭахьҟа
даахынҳәын дындәылҵит. Аҳауа цқьа наиҿасын, иԥсы ааивигеит. Ихы изнымкылакәа уаанӡа ихьыз уажәы ириашарц –
ашә днасны, снеир ҟалома ҳәа дразҵааны дыҩналарц иаҳа
иҽынкыланы, ашә данаадгылоз, имырдуцәакәа, аха ирҟацаны
убас аӷьбжьы бааԥсык, цәҳара ажәақәак алаҵаны игеит, ашә
дасырц Ҭарсхан инапы ахьынышьҭихыз даанхеит. Абарҵа
дықәгыланы даанаскьан, аԥенџьыр дналыԥшит. Арахь,
аԥенџьыр ашҟа иааскьаганы игылан фатәыла иҭәны ирхиаз
астол, дара, Виқтор Ҭахәыц-иԥеи Сафери ауада агәҭаншәа
еиҿанагаланы аицәҳара иаҿын. Ҭарсхан иаҳақәаз ажәақәа
рыла еиликааит аҳәсақәагьы шеицәҳақәоз. Уамак зҵазымкуа
еимакы ыҟоуп, сара сырбар реимак иаҳагьы ирласны аҭыԥ
иқәырҵоит, иҟалоит ахԥатәи иаҳагьы даҭахызар ҳәа иӡбан,
деиҭаахынҳәын ашә аӷьеҩ-аӷьеҩ ҳәа днасит, аха аӡәы анҿиҭуа
ҳәа дымԥшыкәа иаартны дныҩнашылеит.
– Абар, иҳәа, иҳәа абри итәы, иҳәа иара ишиаҳауа! – Ҭарс
хан днаиԥххылан, имахцә ҭарс Виқтор Ҭахәыц-иԥа ишҟа диманы иҿынеихеит Сафер. Ҭарсхан иҽеимыз, ихәымгараз уск
дшалаҳаз аҟара ицәа иалашәеит, ицәымӷхеит, аха Ҭарсхан
иҽеилыхны ишьҭахьҟа ацашьа, убри аҩны зегьы ааныжь
ацәыбналашьа дақәымшәеит. – Ҳарҟәаҵып егьырҭ зегьы, наҟ
ҳарҟәаҵып! Уаангыл, Ҭарсхан, аҳәаха сыҭ! – даҿын зычҳара
иахыҵхьаз, аҩы зылсхьаз Сафер, изнапык ала ишикыц, инапы
аларԥс Ҭарсхан имахәар шикыз, егьи инапала, иҽынаигӡан,
аҟырҟырҳәа ауатка аҵәца инҭаҭәаны инҭаирпҟеит. Абааԥс
дузеиқәкуазар, наҟ дузгозар ҳәа Ҭарсхан инапқәа наиирбеит Виқтор Ҭахәыц-иԥа. – Умнапҟьа-шьапҟьан, уаангыл,
сара иусырбап сылахәмарра зеиԥшроу, цқьа, уихәаԥши, ари
дызусҭада?! – Ҭарсхан имахәар ноуишьҭын, Виқтор Ҭахәыц-
иԥа инапы иҿакуа инациҵеит иаҳа-иаҳа зҽынкылара зцәыӡуаз
Сафер. – Дызусҭада ари? Абраҟа уқәтәоуп, аа уахәаԥш, абраҟа
уқәтәоуп. – Ҭарсхан ихәдаџьал инапы нықәишьит. Убасҟангьы
ииҳәара, иҟаиҵара дақәымшәеит Ҭарсхан. – Сара, уара иудыруама, сара бзиа дызбон, ларгьы издыруеит, лгәы сызцахьан
абри иаҳәшьа, аԥшӡа, аҟәыӷа, аԥсыцқьа. Ари дызлыҵыз изакә
ҭаацәоу удыруоу? Ихаҭа дҭадырхеит, аха иахьагьы иҽхәаԥхьыӡ
ажәлар ирҳәоит абри иаб, – имаикырц даҟәихырц дналагеит
Ҭарсхан, аха Сафер ианимуы, иҳәааит, игәы иҟычар иеиқәкра
иаҳа имариахоит иҳәан иҽааникылеит Ҭарсхан. – Иан дудыруоу, лыӡбахә уаҳахьоу?! Уи баша рҵаҩым, ақыҭа зегьы
дрануп. Аҭаҳмадацәа, иудыруама, аҭаҳмадацәа рхылԥақәа
рхых, илеихырхәаноуп аԥсшәа шларҳәо. Ари зынӡаск даҽа
уаҩуп, уареи сареи ҳаамышьҭахь, иуаҳау, даҽа уаҩуп, иламыс
даҽакуп. Сара сымҩа здыруан, схы здыруан, схы! Сара маҳәыс
слаҭәамызт абри иан. Иара игәхьаа скым, уара дахьудҳәалоу
азыҳәан мацарагьы… Иан лымаҳәра сара саԥсамызт, иуаҳау?!
Сара исгәаԥхоз, исаҭәаз Бақьыр-иԥа Ҳараз иԥҳа лакәын. Ари
иара ихаҭа иқәнагоит изууа, икабинет аҿы аӡәы данидикылалак еиԥш, ишьамхы еиқәыршә акресла днықәтәеит Виқтор
Ҭахәыц-иԥа. Уи иҭынчра иаҳагьы амца ицранаҵон Сафер.
Ишԥаизууи, аиаша иаҳәа ишԥаизууи? Сара исурҟаҵарц уаналага, мап ануцәыск, даҽа џьоукы рыла иҟауҵеит. Уара,
Ҭарсхан, дуаҩу џьшьаны зымаҵ ууа, аа, абни, уара иудыруама
адиссертациа анухьчоз?! Абри иоуп, аа, уус ыҵазырбгаз. Акоманда ҟаиҵеит, удиссертациа наҟ инцәыҵарыжьит.
– Иазхоуп уажәшьҭа, иазхоуп! Уизымӡырҩын Ҭарсхан,
иуаҳауа уздырӡом! – дҩаҵҟьеит Виқтор Ҭахәыц-иԥа. Ҭарсхан
идыруан уи атапанча шныҟәигоз. Иакәым акы салаԥшуеит
игәахәын, иаҳаз агәхьаа мкыкәа, рыбжьаҟазара иҽыназикит. –
Узусҭада, уара, уабаанагеи! Удәылцқьаны уца абыржәыҵәҟьа!
Аконсерв иаӷрашәоу аҳәынаԥ чах! Уажәраанӡа уҭаскыр акәын.
Укаҳԥцәагьы уаргьы шәеибамбааит! Иуманы уца аҩыџьагьы.
Дара уреиԥшуп уаргьы!
– Дарбану, уара сара сзеиԥшу?! Шаҟантә иузназгахьаз
акаҳԥцәа?! Еснагь алаԥшра уара иуман, абыржәы заҵәык
алаԥшра сара исымаз, абри сара дысгәаԥхоит анысҳәа ухы
еиланагеит. Уара сара саҵкыс узлеиӷьузеи?! Исаҳәеишь, сара
саҵкыс узлеиӷьузеи уара?! Сара соума аконсерв ҳәынаԥ?!
Аконсерв зауад аҟнытә заҟа умоузеи уара?! Уара удолиа
еиҳау сара стәы акәу? Аиаша ҳәа, аиаша ари ҳара ҳтәы иоуп,
уара удолиа акәу сара стәы акәу еиҳау? Упартиагьы уаргьы
абраҟа шәҭатәоуп, аа, иубома, абраҟа шәҭатәоуп!
– Абарҭ ажәақәа рзыҳәан, Сталин ихаан акәызҭгьы,
укнаҳаны уишьуан! Иаҳзиузеи, уара, Хрушьчов, ажуликцәа
ҳзынкылом! – аҭаҭын дахарц далагон, ианамуы, наҟ иршәит
Виқтор Ҭахәыц-иԥа.
– Сталин дыҟазҭгьы раԥхьа уара уакәын икнеиҳауаз.
Узусҭада, уара?! Сара саҵкыс узлеиӷьузеи?!
– Сара суҳәоит, Ҭарсхан, наҟ ддәылганы дга абри, иакәым
ҳалибахаанӡа. Дга наҟ, ддәылга, усԥырцқьа! – дыҳәҳәеит
Виқтор Ҭахәыц-иԥа, иџьыбахьгьы инапы аҿынаирхеит.
– Ишԥа, сара соума алеиԥш усыҵаҟьаны идәылуцо?! Абарҭ
улымҳа ԥсылақәа, арҭ иубома арҭ?! – Сафер днеин Виқтор
Ҭахәыц-иԥа илымҳа ааникылеит, – абарҭ улымҳақәа саркьада иубараҳа укабинет умбауа иҟаҳҵап иуҭахызар?! Иаҳхысыз
апартконференциаан сара исеиԥшқәоу Қарҭ ҳцаны, уаҟа
ирызхаша рыҭаны, уантәи Москва ҳцаны уаҟагьы ирҿажьны,
уԥсы ҿыхны ҳмаазҭгьы, уаанрыжьуазу иаҳхысыз апартконференциаан?! Уҭыԥ аҿы уеиқәырхаразы шаҟа ҳшәаз инацаҳҵар
сҩызцәеи сареи, укабинет удәылҟьаноуп ушцо!
– Сара исҭахым арҭқәа зегьы саҳарц, исҭахым. Шәҩыџьагьы
шәеиԥшуп, шәҩыџьагьы, шәҩыџьагьы!.. – иԥсы еивҵахан,
иажәақәа ихәлахон Ҭарсхан.
Ашә ныджьыланы дандәылҟьоз иаҳаит убасеиԥш иҟаз
ажәақәак, абарҵа даннықәхх, урҭ ажәақәа урызхәыцыртә
ихаҿы ианааи, иаргьы арыжәтә афҩи аҭаҭын лҩеи дрылҵны,
ҳауацқьак аниҿас, иԥсы ааивиган, иҽааникылеит: «Алажәеиԥш
иугәыдҵаны усшьуеит иҳәеит. Изҳәаз Виқтор Ҭахәыц-иԥа
иоуп. Уи еснагь атапанча иџьыба иҭоуп. Аԥсҭбара ҟалоит», –
ишьҭахьҟа даахьаҳәит. Ирҭрысны дахеит ашә. Дандәылҵуаз
ианкыдиқшала, аҩнуҵҟала иамаз ацаԥха ылашәан, изаамыртуа иакхьан. Ашә дадхеит, дасит, аха ишизаамыртуаз
аниба, аԥенџьыр днадыххылан, ааигәара игылаз аҟәардә
днықәгылеит. Аԥенџьыр асаркьақәа дрысны, иаашәырты,
снашәышьҭ ҳәа ҿиҭырц акәын, аха, асаркьа далԥшны иибаз, изҿымҭуа, ибжьы ихәланаршәеит. Виқтор Ҭахәыц-иԥа
инапы ырҵәины, атапанча имхра даҿын Сафер. Атапанча
ҭҟьоит, амашәыр ҟалоит, иҳәан, иԥсы иӡеит Ҭарсхан. Ихы-иҿы
еицаҟьахан, ахьаа бааԥс иареиқәаҵәон Виқтор Ҭахәыц-иԥа,
иаҳа-иаҳа ихы-иҿы қәыџьмахон Сафер. Рнапқәа ԥибаҵәҵәо
акраамҭа ианеиқәԥа ашьҭахь, уаҳа анилымша, атапанча азгьы
акәым, амашәыр ҟалом ҳәа агәра ганы, аха ашәымҭак изааиз уи агәаанагара наҟ инаихҟьеит атапанча руаӡәк ишьҭихыр
шыҟало, амашәыр аҟалара макьана ишахырԥам даназхәыц,
арахьгьы ихаҿы инцәырҟьа-цәырасуеит акылԥшра шыԥ
хашьароу, дыҩналаны хаҵаҵас реиҟәыкра шихәҭоу. Адыр
шәыла еиҭа дналаԥш дныҩнаԥшит, иахьнеибагахьоу гәа
ҭаны, нас иҟаиҵаша иӡбарц. Уажәгьы иибаз еиҭах, ибжьгьы ихәланаршәит, дахьыҟоу иҟаиҵашеи, акгьы изымдыруа
даргачамкит. Атапанча импыҵарӷәӷәа, аҵхага инацәа аҵак
икын Сафер. Виқтор Ҭахәыц-иԥа иҩнапык шьҭыхны дгылан.
Ибжьы ҭахәаҽны, аарлаҳәа иныҵак акәын Сафер ишиҳәоз.
Ажәақәа изеилымкааит Ҭарсхан. Виқтор Ҭахәыц-иԥа изнапык
шьҭыхны ишикыз, егьи инапала иеиқәа амаҟа ааԥиртлеит,
иеиқәа наишьклаижьит, маҟҿаҳәаранахыс ҵаҟа иҽанааилих,
ирмақаруа Сафер иикыз атапанча ахы дҭаԥшуа, ашьшьыҳәа
наҟ даанаҳәын, изқәа Сафер иеирханы дынхырхәеит, изнапык ала уи ихы ашьҭахь атапанча адкыланы, егьи инапала
иеиқәа аҿацә ааиртлеит Сафер.
Ҭарсхан идыруан уи аҩыза ақьаад ишанимҵоз, ихамыш
ҭырц, ҩымҭак аҿы исҭаххозар ҳәа ииҵәахқәашаз ракәымкәа,
наҟ ирласны ихаиршҭыша ишреиуоу ибла иабаз. Мап, ибла
иамбеит, ԥхыӡ бааԥсноуп ишибаз ҳәа ихы агәра аиргарц
далагеит. Ақьаад ианиҵашам, аха уеизгьы иҟалазеи, иара,
Ҭарсхан ихаҭа ихьзеи анаҩсан? Ламыс змоу ахаҵа изыруз
Сафер Виқтор Ҭахәыц-иԥа изиуз, ма изызуз дишьыроуп, ма
иҽишьроуп ихаҭа. Убри аҭыԥан, иҟалазеи, иара дынцәаҵаххуа,
днагылауа, иԥсы иманы дыҩны данцоз, аҩны абарҵаҿынтә,
дхынҳәырц, даангыларц аҩыџьегьы еиқәҿҭышьас, еидгылашьас ироузеи? Азнык азыҳәан иҟалаз изымдыруа, дзадымҵуа
аԥенџьыр адыршәыла зны дазԥшуа, ҽазны далԥшуа
иҟалаҵәҟьаз, Сафер Ҭахәыц-иԥа изиуаз дымҩашьахуа ианиба, иҽӡаны дцарц, дыбналарц аҟәардә албаара данналагоз, иоуразоуроу деиҵас дахьықыџьқыџьуаз иахҟьоу,
ишьапы аҟәардә амаа икылашәоу, ишыҟазаалак, икаҳашьа
убас иҟалеит, ишьҭыбжь цәгьаӡахеит. Ԥшьынаԥха амардуан ашҟа деихеит, Виқтор Ҭахәыц-иԥа изыруз зыхьыз иара
иакәушәа, аӡәы дибаанӡа, дыбналарц. Игәалашәо убри ауп,
зны ԥшьынаԥха, даҽазны даныҩагылалак деиҭакаҳауа, амардуан данналбаа, рымҵақәа ҵылашьцааӡа игылаз аԥсаҵлақәа
рышҟа днеит, аха амҩа уахь ишыҟам, урҭ рнаҩс ишыбнароу, ишышьхароу, царҭа хыҵәахырҭа шимам ихаҿы ианааи,
даақәгьежьаан, ҵаҟа ихы рха ддәықәлеит, уамакгьы дымнаскьацызт абарҵаҿынтә ҩыџьа ахацәа рыбжьқәа аниқәдыргаз.
Издыруада Виқтор Ҭахәыц-иԥеи Сафери ракәмызҭгьы?
Изҿыз еиҵанамырхазааит, иаҳҳәап, аха атапанча? Аӷьӷьагәгәаҳәа сышьҭыбжь анга, ишызбаз анеилыркаа… ахьымӡӷ
зиргаз дицәымшәакәа… убри аамҭазыҵәҟьа урҭ еидызкылаз
шизеилымкааз еиԥш, Ҭарсхан изеилымкаакәа иаанхеит, иаанхеит урҭ уаанӡагьы, уинахысгьы еидызкылауаз, иахьыҟаз,
иахьыҵәахыз, еивыхшьа рмоуа еилысхьаз рԥашәқәа.
Ихаимыршҭыр акәым, иибазгьы иаҳазгьы ақьаад ианҵаны
еиқәырхатәуп ҳәа Ҭарсхан ииԥхьаӡаз даҽакуп. Уажәы иблала
иибаз, дызлаԥшыз, илымҳала иаҳаз аухаҵәҟьа цқьа уазхәыц,
ишәа-иза акәым, имбаӡазшәа урҭ аҩыџьагьы иидыруаз
аамышьҭахь уаҳа акгьы ацымлазшәа иахьихаимыршҭыша
дашьҭан, излаихаиршҭышагьы иԥшааит, аха адырҩаҽны, егьа
иҟәицарц далагазаргьы, иибаз иблақәа ирыхгылауа, иаҳаз
илымҳа иҭаҩуа, зегьы рҽырҿыцны иӷрымсыр анырымуы,
иҩнуҵҟа зегьы убас еиҭанакит, изаанартит даҽа дунеик, ихаҭа
ихы даҽакала инарбеит. Уи еиликааит ихы иаҭәаимшьашаз,
ихы ианаимыжьшаз шьаҿак шыҟаиҵаз, иаарласнгьы ианимыриаша дышкылнаго реиҳа иреицәоу аҿы, дышнанаго ихыигәы ахшәараҿы, насгьы ихала, инапала ишҭаирхо анцәа
ҳамҭас ииҭаз. Ианбыкәу раԥхьаӡа ианеихызгаз убри, ииашамыз ашьаҿа, схаҭа сызнаԥхаз. Сызшаз исаҭәеишьаз аҳамҭа
аҵкыс схы аиқәырхара… Усҟан ашкол аҿы аиҳабыратә
классқәа рҿы стәан, сангьы дааҟәымҵӡакәа схы иҭалгалон
акомҿарра салаларц, сара уи сцәымӷны цәгьарак ҟазҵахьоу
еиԥш исыԥхьаӡогьы акәмызт, аха гәныхәҵысҭала акәзаргьы
еилыскаауан сҿазҳәақәо ишреиуаз. Уии сареи ҳаинымшәо,
ичҳауа сшааиуаз, еиҭах анцәа акыр сылаиҵазар исыхьчап,
сыхгьы сыхьчап ҳәа, аинститут аҿы акомҿаррагьы апартиагьы
сҵыхәа кылырҳәҳәаны инадсырбеит.
Исыдырҵақәоз ҟасҵон, ажәа рымаскуамызт, урҭ сара
исзыриашом, баша амала схы ацәгьара асыргоит сҳәон,
ҵаны, ҟәышраны иҟасҵаз, сықәра анааи, ашьшьыҳәа снал
ҵит акомҿарра, егьигьы салаломызт Виқтор Ҭахәыц-иԥа
иакәмызҭгьы, иумыхәозар иуԥырхагам, саргьы уцхыраара иаҳа
исзымариахоит аниҳәа, насгьы убасҟак ирласит, уаҩҵасгьы
сақәшаҳаҭхаанӡа абилеҭ сџьыба иҭарҵахьан. Урҭқәа хьаам,
сара сакәым, Шолохов дуӡӡа уахь дахыԥхьаӡалоуп, уиакәым
иусу дызусҭада ҽыхьшьырҭас искыз?! Дызусҭада?! «Анцәа
акыр сылеиҵазар еиқәсырхап, сыхгьы сыхьчап», – снанагеит ахаҿы – иаасыԥхьан, исықәӷәӷәаны, ҳара ҳтәы иоуп ҳәа
сыԥхьаӡаны исыдырҵеит Москвантәи иаауаз, апартиатә усзуҩ
ду ихцәажәара, шәыбжьы ишәҭа ҳәа… Бзиа избауеи сареи
ҳаиқәшәараны ҳаҟоуп, дзыхшаз рахь дцоит, днаскьасымгар
ауам ҳәа ҿарԥас иҟасҵаз, схы ацәызгарц исыӡбаз, ибашоуп,
уи сара сыламыс азыхьчом. Уаҩԥсы иабеибауеи, издыруагьы
аӡәык ҩыџьак роуп, аха схаҭа? Схаҭа исымдыруеи иҟасҵаз?
Ажәахә ааҩны, Виқтор Ҭахәыц-иԥа инаиҭан, снапы сыӡәӡәеит,
сыцқьоуп сҳәан, сыбналеит, сцеит сажәабжьқәа рыҩра.
Абас иԥсҭазаара еихшьалауа, ишьаҿақәа дрызхәыцуа
дышнеиуаз, иибаз иаҳаз данзацәымца иԥҳәыси иареи Виқтор
Ҭахәыц-иԥа изыҳәан реицәажәарагьы анацла, Ҭарсхан адыр
ҩаҽныҵәҟьа иӡбеит еиҟәыхзарц урҭ, ихибамшьаакәа ааибышьа змам, еибахьчарц иара еидиргыларц, еинишәарц дызлагаз – дызшаз дыззишаз, амаалықь уси, ихаҭа ааигәа иааишьҭыз
аџьныш иусхәуп. Исзыҟаиҵогьы сҭахым, ихаҭагьы, аҩыџьагьы
уаҳа сыбла иамбароуп ҳәа Виқтор Ҭахәыц-иԥеи Сафер Сакәытиԥеи данрызхәыцуаз, Ҭарсхан издыруамызт дара еидтәаланы
иӡбаны ишалгахьаз иара илахьынҵа, иҟарҵарцгьы рыӡбеит
еснагь русқәа злаҟарҵац ала – даҽа џьоукы рнапала.
Сафер атапанча харшаланы иҿакны, Виқтор Ҭахәыц-иԥа
ихаҵара даналаҽхәоз аамҭазы, ибла иабаз дацәыбналарц
иҿанынаихоз икаҳара, аӷьӷьа-гәгәаҳәа ишьҭыбжь бааԥс
абарҵаҿы агара урҭ аҩыџьа рыхдыррахь иархынҳәит, рхаҭа-
қәагьы ззыԥшӡамыз ашҟагьы икылнагеит еиннаршәеит, еиднакылеит.
– Ҳҩыџьегьы ҳҭахеит, – иҳәеит ихьыз аҵкыс ауаа ира
ҳауеит ҳәа иаҳа ихәыцуаз Виқтор Ҭахәыц-иԥа. Ртапанча астол
иқәикшеит Сафер, иуҭахызар иахәҭангьы ухыс, сара сушьыргьы уара аԥсра аҵкыс еицәоу узызухьеит ҳәа алеиҳәарц.
– Уаргьы уԥсы ахьынӡаҭоу иухымҵуа… Зегьы ибеит. Сара
дыздыруеит. Иахьа уаҵәы иҟаимҵаргьы, иаарласны зегьы,
акы аанмыжькәа зегьы ақьаад ианиҵоит. Апартиатә еизара
маҷқәа рҿы знык ҩынтә днасыԥхьеит, нас аҩызцәа исарҳәеит,
уара, ари уцхырааҩ дыгәрагоу, изакәызеи дааҟәымҵӡакәа
иқьаади икалами еиқәихуам, иаҳҳәо зегьы аниҵоит, ҳара егьа
ҳҳәоит, наҟ даҳԥырга рҳәан, уахь инаԥхьара саҟәыҵит. Анышә
дамандаз, ма данкылԥшыз даҳбазҭгьы, мамзаргьы ишьҭыбжь
анга дҳазкызҭгьы, ма дыршәаны, ма дыргәыбзыӷны…
Имҳәарц, имҩырц… Арыжәтә уиааины уҟан акәымзар усеиԥш
ҟауҵомызт, Сафер. Ларгьы уаргьы шәеибамбааит, акаҳԥцәа
зегьы аӡәроуп, дабасҭаху, аха… ҳҭахеит, Сафер… Сергеи Сергеевич, ҳҩыџьагьы ҳҭахеит.
Иамеигӡакәа аԥара иҭара, мызкы иахымгакәа игәҭыха
анагӡара – ауада бзиа иҩнаҵара, ҿыц еиҭа иахәарԥшны адиссертациа ирхьчара уҳәа, ҿимҭырц, иԥсы иахимырӡаарц иԥсы
ахьынӡаҭоу, даныҟамлагьы мышкызны аӡәы имаҳарц қьаадкгьы
ианимҵарц азыҳәан изыҟарҵақәаша ҳәа ирыӡбақәеит акымкәа
ҩбамкәа, аха акаҿы изаанымгылеит, еиҳарак изымуз Виқтор
Ҭахәыц-иԥа иоуп, ашьҭахь, адырҩауха, ашәҟәыҩҩы Адамыр
Арҭанба имҩа данықәырҵа, еиҭах еидшылауа ианеимаркианеимҵарк иахымԥауа иӡбаны иаакылсит акы – ибзгьы
уаҳа амҳәарц, икаламгьы уаҳа ақьаад иақәимкырц азыҳәан
амҩа иқәырҵаз Адамыр Арҭанба иаргьы днаишьҭаргалартә
иҟаҵатәуп, аҟаҵашьоуп зыӡбара иаҳа ирзымариахаз.
– Сара издыруеит уи аҟаҵашьа, – иҳәеит Сафер. – Лаҵгацәас
иааргаз ахьшьцәа-ашәарыцацәа. – Анҭ, ашәарыцараҿ иуцхра-
арц иҟаз, иацы илашәарыца ишьҭарԥало аӡәы даасыдгылан,
уара, шәшеицәажәоз збон, иареи ҳареи қыҭак ҳаицалҵит, аха
ашкол дшалгаҵәҟьаз дцеит, уиаахыс аӡәгьы дҳаздыруам, уара
иаҳа дудыруеит, дзеиԥшра уаҩузеи, уаҩы игәра игартә дыҟоума
ҳәа дсазҵааит Ҭарсхан изыҳәан. Изхуҳәаазеи анысҳәа, уажәы,
ауаа шыҟоу умбои, Сталин иҭиҟьаз ргәы макьанагьы имааиӡац,
изхысҳәаазеи уиоуп, дааҟәымҵӡакәа ақьаад акы аниҵоит, ҳара,
зыбз зызҭамкуа, абна ибжьнаххьоу, иаҳҳәо аӡәгьы иаҳаӡом
ҳәа агәра ганы иҟоу егьа ҳҳәоит, уи зегьы ақьаад ианҵаны
ианналеиҵа, ҳаҟаӡамкәа ҳаақәырхуеит, сҩызцәагьы саргьы
дахьҳадаҳкылаз иаҳцәымӷханы ҳаҟоуп иҳәеит.
– Уаҳа зҭахымоуп, уаҳа назҭахымоуп, – Сафер ииҳәаз
ахы ахьцоз еиликаан днахьынҳалеит Виктор Ҭахәыц-иԥа,
– уиоуп еиқәырхагасгьы иҟоу. Уаҟа саргьы ухы сархәа
иуҭахызар. Аҟаԥшьқәа изриҭозеи, аа, араҟа дааны дыҟоуп
Виқтор Ҭахәыц-иԥа ихаҭа, уи инаиасҳәеит, иҩны инаииҭоит,
нас дзакәу жәдыруеит, уаҩԥсы диеигӡом ҳәа, иуҭаху раҳәа…
аҟаԥшьқәа даарыԥхьаны ирыдиҵоит ҳәа нацҵа… Цхырааҩыс
димоуп, ҳәа, дыцәгьаҳәаҩуп ҳәа… Ихы иааҭашәо, – дхьанҭаӡа,
дҟәыбаса диман Виқтор Ҭахәыц-иԥа. Атапанча, ашәарыцараз
иааигаз абџьар, ахраҿҟьарақәа, ауаҩы иҭархашьа ҳәа иидыруаз, ашәарыцара ианцалак, уаҟа ма уаҩԥсы ианимбо аамҭазы, мамзаргьы машәырны иҟалеит ҳәа ииԥхьаӡаз
инаркны, ахшыҩ зыӡбара алшауаз зегьы иаарласны, акакала
инеидихәыцлеит, аха уаҳа ԥсыхәа ыҟамкәа, убри аамышьҭахь
даҽа еиқәырхашьак имамкәан ианиба, иажәақәа акакала
дырзааҭгыло-аарзааҭгыло ихьанҭа-хьанҭаӡа, ус иаахиркәшеит
– уара, аконсерв ҳәынаԥқәа, уара, сара, Ҭархәына, хҩык, абарҭ
ҳахҩык ҳҟынтә руаӡәк иаарласны адунеи даныӡаароуп. Иара
анҿимҭ, уареи сареи ҳҩыџьагьы ҳақәхеит, мап анакәха…
Иуаҳауама, аконсерв ҳәынаԥ, ма са снапала ахыкәалаа, уара
иудыруеит, сара ибзианы схысуеит, снапалаҵәҟьа ахыкәалаа
угәаҵәахы иҭаиршәуеит, мамзаргьы, иаҳагьы имариоу… Шаҟа
мааҭ иаԥсахарызеи ухы? Уца, усԥырцқьа! Уалаԥшны, иуҭаху
алх. Усԥырцқьа!
Сафер иҟаиҵаз дахьхәны акәымкәа, дааицәшәаны акәын
дышгылаз. Ҳахҩык ҳҟынтә ҳуаӡәк иаарласны адунеи даныҵ
роуп, уи иашоуп, аха избан сара? Ҭарсхангьы ихароузеи?
Даԥырхзар иара ихаҭа ҳәа, дҟәыбаса итәаз Виқтор Ҭахәыциԥа днаихәаԥшит. Ииҳәақәаша игәаҵаҿы убасҟак еилашуан,
урҭ зегьы рҳәара далагар, изиузгьы азмырхакәа, насгьы уеизгьы-уеизгьы аӡәы даныҵыр акәзар адунеи, абраҟа, аԥсра ацкьыс еицәоу ахьизиуз, абри ауадаҿыҵәҟьа ихы изнымкылакәа,
диамхашьыр ҳәа дшәон, ашә ныдижьлан, иеиқәа цқьа еибаркуа, аҵх далала иҿынеихеит, аха аҳауа цқьагьы иазымхәаҽит,
уимоу, уаанӡа игәанала ииҳәақәоз, уажәы, аӡәы иеиҳәозшәа,
ибжьы ҭыганы рҳәара дналагеит, иҳәон, иқәшаҳаҭым аӡәы
иеиҳәозшәа. Ԥҳәысыжәк, каҳԥыжәк лзыҳәан ари аҩыза изура иаԥсам. Еснагь алаԥшра сара уара иусҭон, абыржәы
заҵәык алаԥшра сара исымаз анысҳәа, саргьы суаҩӡамыз?!
Дкаҳԥу, дкаҳԥыму уара изуҭахыузеи, сара дысгәаԥхеит,
иҟалоит бзиа дызбазаргьы, ааи, ааи, бзиа дызбазаргьы, сара
ахаан аӡәгьы бзиа дсымбац, сыԥҳәысаагашьагьы шыҟалаз
удыруеит, дысгәаԥхеит, сылгәаԥхеит, нас Бақьыр-иԥа Ҳараз
дуӡӡа иԥҳа уара дуццома, уара, анымха-хымҵәа Сакәытыжә
иԥа ҳәа хыччарҭас саныхҭоук… Аӡәгьы бзиа дсымбаӡакәа
сниаӡаароума. Аԥҳәыс лымацара лакәӡам еимаҳкыз. Аконсерв
ҳәынаԥ иҳәахт! Иара дызусҭада? Апартиатә ҳәынаԥ! Ибзиоу,
ииашоу, реиҳа сгәы анысҟычуа иуасҳәап? – арҩаш зҵысны
ицоз ацҳа даннықәла, арҩаш ашҟа дыԥшуа, убри акәызма
изеиҳәоз, ибжьы иаҳагьы инациҵеит, – илеигәыдҵан дышьны,
абасгьы ҟаиҵеит ҳәа… аусӡбарҭаҿ, зегьы ираҳауа. Исцәымӷуп
рызегьы, сабхәагьы аԥхьа днаргыланы. Урыцҳаишьоит ҳәа
ахьиасҳәаз азыҳәан дсыцәгәааит сабхәа, ареволиуционер
ду, сақәыжьцәааит иреволиуциа. Саб имаз зегьы анимырх,
днымха-хымҵәаны даныҟарҵа, сара схыччара иалагеит
анымха-хымҵәа иԥа ҳәа. Анцәа иџьшьоуп, дшымыцхәыз
аниба, иԥсы шҭаз ихала ихы анышә иеиҭеит сабхәа. «Уажәы
Қарҭынӡа снабжьысуеит, уажәы Москваҟа амҩа ҳақәлароуп»,
– ателефон ианҭыҩлак Ҭахәыцыжә иԥа ибжьы акәӡам сара
сзеигӡо, уи қьаадыжәк еиԥшны исыԥхьаӡом, сара схоуп
сзеигӡа, схы.
Ацҳа дықәгылан, арҩаш далаԥшуан. Амза ашьхақәа
ианрывҵала, алашьцара иаҳа-иаҳа ажәпахара иаҿын. Еидара
хьанҭак дшаҵамыз ихы агәра аиргарц даҿын Сафер, аха иауамызт. Иарбан еидараз издыруамызт, аха еидара даҽа еидаракгьы ацлара ишаҿыз ибон. «Дабананагеи, дабаҳабжьанагалеи
Ҭарсхан?! – иҳәеит, аха ибжьы ихаҭагьы цқьа имаҳаит, арҩаш
ашьҭыбжь иналаӡит.
Абжьбатәи ахы
Ибла иабази, илымҳа иаҳази Ҭарсхан убасҟак ишьара
дықәнаҟьеит, ҭынч ихала днатәаны азхәыцра иҭахымызт,
дегьацәшәон. Абжьааԥны цәгьак, бзиак анибалак, ианиаҳалак,
ақьаад анҵара иаԥсоу иаԥсаму, насгьы ишаниҵаша –
етнографиатә материалзар, акгьы мԥсахкәа, ишааиаҳаз
ианҵатәуп, иҩымҭак аҿы ихы иаирхәартә иҟоуп зигәахәуа
ажәабжьзар, иҟалаз хҭысзар, мамзаргьы азыӡырҩра иаԥсоу
хҭҳәаазар, иара иаҳа еиӷьхап злаигәахәуаз ала еиҭарсны
ианиҵон.
Уаха ибла иабазгьы илымҳа иаҳазгьы, уажәы, уахазы, макьана ииҭахыз акы заҵәык акәын: шаҟа изырласуа иаарласны
ихаршҭра, акгьы имбаӡеит, изаҟарзаалак акгьы имаҳаӡеит.
Ахьшьцәа-шәарыцаҩцәеи иареи ахьеицыҩназ ауадаҿы
данааи, дара, ахьшьцәа-шәарыцаҩцәа џьоукы астол
иадтәалан аҭаҭын иахауа, даҽа џьоукы акаруаҭқәа ирықәиан
рнапқәа рхы иаҵаҵаны. Ргәалаҟарақәа злеибаз ала арҭ
рыгәқәа ҭынчын, ирҳәақәозгьы ирлахҿыхгаз ажәабжьқәазар,
илафқәазар акәхарын, рхырҿқәа рхалашауан, еибарччауан. Ҭарсхан даныҩнашыла, рыччабжьи рцәажәарагьы

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3320Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3287Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3310Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3343Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3305Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21960.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3387Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3382Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3392Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3405Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23550.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3386Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23030.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3410Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3265Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3370Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.