LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
Süzlärneñ gomumi sanı 3317
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
иаанҵәон ԥсҭазаарак. Агвардиа шкәакәақәа афицарцәа еилыркааит аҳәаа ихымҵкәа, араҟа, аимпериа ду аҩныҵҟагьы макьаназы еиқәханы ишыҟоу убасеиԥш џьаанаҭ ҭыԥк, аҟаԥшьқәа
ршьапы акәым, рыбз шҳамгьы ахьымнаӡац. Урҭ ҭауадиаамысҭеи рыҷкәынцәа, аҵара дуқәеи ааӡара бзиаӡеи змаз,
ахьӡи ахьымӡӷи рзыҳәан адәы иқәыз, амшын нырцәҟа ацара
мап ацәкны Ԥсҳәыҟа шаҟаҩы аазеи, шаҟаҩы шәыланходаз
ҳәа уанразҵаалак, ԥсҳәаа иуарҳәауа еиқәшәаӡом. Џьоукы
ирҳәоит хышәҩык ыҟан ҳәа, даҽа џьоукы уи ахыԥхьаӡара
хәышәҩык рҟынӡа инаргоит. Аизараҿы аиҳарак араион
аҟнытә аӡәы дрылатәазар ирҳәауа акоуп, еиԥшуп зегьы ражәа
алагашьа: «Ҳарҭ ԥсҳәаа абелогвардеиццәа ҳалганы ианырга, иҳазгәакьаӡоу асовет мчы анаҳзааи инаркны…» Уи нахыс
дасу ажәа ԥшӡақәа дышрызҟазоу еиԥш, насгьы иаԥхьаҟа ҳәа
ихәыцшьа зеиԥшроу еиԥш. Еизарамкәа, гәыԥҩыкгьы еицымкәа,
шәхала, – еиҳарак игәрахаҵагоу фырџьанқәак нҭарпҟауа
шәеидтәалазар, ирхаану иаауарҳәауа зынӡаск даҽакуп.
Аԥааимбарцәа аҭааны иҟан ҳара ҳқыҭа. Ҳаблацыԥхьаӡа
ашколқәа аартны, ҳхәыҷқәа аҵара ддырҵон. Ашәҟәыԥхьара
мацара акәмызт, иаҳдырҵон аҷқьыԥ акышьа инадыркны, агалстук еилаҵашьа аҟынӡа зегьы. Жәытәнатә аахыс инхаҩцәазшәа
акәын аҽага шыркуаз, ауҭрақәа шыҟарҵоз. Аӡәырҩы ҳҭыԥҳацәа
ҳәсас иргеит. Абызшәа азыҳәан, ишудыруа, ԥынгыла ыҟамызт.
Аԥсуаа амҳаџьырра ианага, жәаба-жәохә шықәсагьы уаҩԥсы
ибжьы алыҩуамызт иқьаԥҭахаз ақыҭа. Ашьҭахь ақыҭа иаланагалаз ҟазшьак еицышьҭыхра иахьагьы ирцәыцәгьазаргьы,
бызшәак, аурыс бызшәа аицышьҭыхра усҟак иадымхалеит. Саси
ԥшәымеи ҳәа еиҽԥнаҳҳәоз егьыҟамызт агвардиа шкәакәеи
аҟаԥшьуарцәеи ҳареи. Ҳазегьы Ԥсҳәы иашьагәыҭшәа, ажәытә
хаҳәеиқәҵарақәа, ахәшҭаара ҭыԥқәа ахьаабоз, абраҟа ауаҩы
дынхон, ус анакәха, аарыхра ҟалоит, аӡыхьгьы хымԥада
ааигәа иҟоуп ҳәа зыҵәҩаншьап азырсыз ҳакәын. Уи аадыруан ҳара ҳаҩнуҵҟа. Аԥсны ду ҳаҟәганы ҳшыԥхьакыз еиԥш
акәын аполитикагьы ҳшацәыхараз. Уи аганахьала иаарласны ҳара иҳаиԥшхеит апҟа шкәакәақәа ҳәа зыхьӡаҳҵаз агвардиа шкәакәа. Апҟа шкәакәақәа ҳәа зыхьӡаҳҵаз ҳара
ҳашьха қыҭа инахыԥрааны ицоит урҭ аԥсаатәқәа. Ицоит
хәыцра ссирс, гәҭыха бзиас иааҟоу зегьы мҵарсны. Амшцәгьа
бааԥс амҩан ианрықәнаклакь, ашьхақәа еиҟәжәома уҳәартә
адыд-мацәыс анҵыслак, злакыҵақәа ҭылашьцаау ажәҩан
ишкәакәа-шкәакәаӡа, иалубаауа рыхәдақәа ҵҟәашаақәа ҭҳәа,
рымҵәыжәҩақәа неиқәырыԥсоит. Иҳасасуеит мышкы, ҩымш.
О, урҭ аԥсаатә аамысҭашәақәа рхаҭақәа заҵа ҳармеихсра,
дара ахьынӡаҳасасу, бгахәыҷык акәты мҵанарсыргьы,
ҳасасцәа имыршәарц аӡәгьы маџьарк ҭирҟьом. Иарбаныз
убарҭ апҟақәа излареиԥшымыз агвардиа шкәакәақәа. Ус акәын
ҳара ишаадыруаз. Аха даҽаџьара зынӡаск аҽакала ирдыруазаарын. Зымҵәыжәҩа ԥырҵәаз аԥсаатә ҳаҩызаны ҳхы аабон,
изыхдырҟьаз ҳәа акгьы ҳзымдырӡо. 1928 шықәса, абҵарамза
анҵәамҭазы, агәаҟқәа аӡын аӷыҵысраҿы ирыхәарц акакан
аҟәшәара ианаҿыз аамҭазыҵәҟьа, ҳқыҭа ар ҟаԥшь ҩакәдыршан,
уахыки ҽнаки иналагӡаны, аӡәызаҵәык даанмыжь, инаҳалганы
иргеит ҳапҟа шкәакәақәа. Ҳара ихьааҳгеит асовет аамҭазтәи
мҳаџьыррак еиԥш.
Излеиқәхоз уаҩы иџьаишьартә урҭ аашықәс еиқәаҵәақәа
зегьы ирцәынханы рыԥсы ахьынӡаҭоу ҳәа Ԥсҳәы иаанхеит,
уимоу аамҭақәа еиҳа-еиҳа еиқәаҵәахацыԥхьаӡа, иаҳа-иаҳа
рхыԥхьаӡара иацлауа иаауан аҟаԥшьқәа ирцәыбналаз даҽа
сасцәақәак. Уи анцәа имаҵ зуаз ракәын. Рызегьы еиԥшын
акаҿы. Аӡәгьы анхара аԥшьимгеит ақыҭауаа рацәаҩны иахьеиланхоз. Шаҟа ауаа ирцәыхараз, шаҟа уаҩы иахьимбаша
анхарҭа ҭыԥ рзыԥшаауаз, убасҟак еиҳагьы еиӷьыршьон. Анҭ
апҟа шкәакәақәа ирцәыбналаз аҟаԥшьқәа рзыҳәан ицәгьаз
ибзиаз акгьы шырымҳәоз еиԥш, арҭ имаҵ зуазгьы, иԥхазҵоз
рзыҳәан рыматанеира шәиԥхьыӡк налашәаны изаҳахьадаз.
«Имҩахҟьаз амҩа иаша дықәҵа, ҳазшаз», – абри акәын рыматанеира иалаӡаз.
«Игәнаҳарақәа ианажь ҳазшаз, дымҩахҟьеит, амҩа иаша
дықәҵа» – абарҭ ажәақәа роуп ииҳәаӡаз апап-ацыркь.
Ирзышьҭыхуаз рымаҭәақәа инарыҵалеит. Агәыԥҳәы иаҵаз асаби дыргәыдкыланы рыҩны иандәылырца, агәашә инҭыҵуан,
Бақьыр-иԥа Ҳараз иахьагьы ибзианы игәалашәоит, икыдхаҽа
ақәаура иалагеит. Иахьагьы игәалашәоит, ақәа рыхәыдхаасуа,
рӡамҩақәа ҿнарҟаԥшьаауа амцагьы шыргәыдыԥхалоз
иҟарҵоз еигәырӷьауа иахьеибарччоз.
Уиаҟара анцәа диҭахызар изааишьҭрауаз амш бзиа, аҵх
лаша, агәашә егьынаҭаҳцеит, саргьы игәаӷ сымоуп иҳәозшәа
ақәаршҩы аҿааирхеит, ҳаа-ҳа-ҳа – игәарԥхаӡаны дыччеит
ааигәа акомҿарра рԥызас Бақьыр-иԥа Ҳараз иалихыз арԥыс
қәыԥш.
– Уиоуп иуҳәара, ари аҩны атәы зумҳәауазеи. Агаз нақә
ҭәаны, асԥычка егьааихьысшьит, ауаҩы санибылуа ҳәа
игәаҟны иԥшызшәа, сынхьаԥшны-саахьаԥшаанӡа ақәцәа иал
ҟьахьан амцабз, – уи инаицирӷызит адгьыл аҿы нцәас иҟаз
иара иоуп ҳәа агәра гаҵәҟьаны иҟаз аԥсараа рпарторганизациа амаӡаныҟәгаҩ. Ҿымҭ дԥышәарччо иҽирԥхон Бақьыр-иԥа
Ҳараз. Уи деигәырӷьон иаԥсаз иус дуқәа ааимԥааны, ԥхьаҟа
изгаша аҿар аиҵагылара иахьаҿыз.
Аџьықәреи ишҿалара иҿаланы еиқәтәахьан,аха абнаҳәақәа
ҭалап, имхы ықәырхып ҳәа макьаназ ишәарҭамызт. Зегьакоуп
дакәшаны аанда зегьынџьара игәеиҭеит. Ари ашьха қыҭаҿы,
иаҳа ихьшәаны аԥхын ахьаауаз, иаҳа ирласны иахьымҩасуаз
ҭагалара, уи идыруан агаҿаҿы еиԥшҵәҟьа аҩаха шамеиуаз
аџьықәреи, цқьа ианҩауа ҳәа зынӡаск асы шақәнауаз аҩара
агзаргьы иҿыхны ишгатәу. Иара еиҳа дзеиҷаҳауаз, иаҳа зыда
ԥсыхәа имамыз акартош акәын. Изхаша ашыла аԥшаара мариан. Акартош зны ажьҵаа ацҵаны, ҽазны ахала илҭаҵаны
ижәуан. Бжеиҳан реиҳа иҟәазқәаз алхны ахәышҭаара
иныҽҳәаиршәуан, ахәышԥырӷы нақәирҳәҳәон. Убас ахәш
ҭаараҿы ианиӡуаз ныҳәак изаҩызан. Изаҟаразаалак акгьы дазхәыцуамызт ихы-ихшыҩ зегьы иара иазышьҭны,
ианиаамҭаз араиком адҵак анагӡара дшахылаԥшуаз,
ҭаҷкәым бзиак аҟара иаалгәыгәны ахәышԥырӷәы ақәы
ҳәҳәа ахәышҭаара иахьхәыҵаз. Уажәшьҭа иӡхьазар? Мап,
ацәа нахыблааит акәымзар, макьана имӡӡац агәы. Аса
бицәа дырҩызахон акартош аныҽҳәигоз. Ахәышԥырӷәы
шнақәиршәшәалак, еиқәаҵәаӡа иаашьҭиԥаауан. Инеимда-ааимдо ирыҵаиркәашауан инапсыргәыҵақәа, ихаҭагьы
дҩышьҭыԥа-шьҭыԥауа. Дгәырӷьауан, дыччауан, нас ақыдсаҟә
инықәҵаны, ашәарыцаҩ ажәеиԥшьаа ирҭаз ашәарах дныҳәаныԥхьаны ацәа ахыхра дышналаго еиԥш, акартош ацәа
еиқәаҵәеи агәы шкәакәеи реиҟәыҭхара дналагон. Инапгьы,
иҿы иахьҭеиҵозгьы иааизымычҳауа дабылуа шаҟа ицаны
изыфоз убасҟак ақьаф алаиуан. Уажәшьҭа ихароузеи Бақьыр-
иԥа Ҳараз, абасҟак агәырӷьара азаазгаз ауҭраҭых ианачыча,
ҵыԥх акартош аҭагалараҵәҟьа ианасакьаҳәымҭаз иачычаз
абнаҳәақәа ихызаҵә ргәаҵәақәа ахькылнаблааз. Аиашазы зымаҵ иуаз зегьы гәыхшәарҭас иҟаҵаны, ауаатәыҩса
раҵкыс ихы иаҳагьы ицәымыӷха, ихаҭагьы уаҩы дахьимбаша, иаргьы аӡәгьы ибла дхымгыларц, иқыҭауаа рҳәашьа,
ихы ҿаҳәаны данықәҵ, раԥхьатәи ҭагаланаан, раԥхьаӡатәи
аӡынра аӷыҵсра иҽаназыҟаиҵоз, ашьамаҟеи аԥсасеи ркәац
ҵааны ишыкнеиҳахьазгьы, абнаҳәа ажьгьы нарывакнаиҳаит.
Аха усҟангьы, иацааиуаз аӡынрақәагьы рӷыҵалараан акы,
ианеиҳаха ҩба ракәын илаишьҭуаз. Анхаҩ бзиа ихатәы
рахә дшырмеиҷаҳауа дреиҷаҳауан ишәарахыз, игыгшәыгыз
иарбанзаалак. Ус дзырҟәамҵит икартошҭра иачычаз. Иаҳа
ианиаамҭаз иус иаԥгылоз иакәым, длакҩакыр ихаҭагьы
ихы игәаӷьыртә реиҳа далашҩыкӡаны даныҟаз аамҭазы
контрреволиуциатә гәыԥк маӡала ишеиҿкаау ибар ус
изықәхрымызт акартошҭра иачычаз абнаҳәа ишынҭаацәаз
ишықәихыз. Аҵла дықәтәаны дшахаҩоз иршон. Руак
анылаишьҭлак, игәеиҭеит иаарыцқьаны уахыки ҽнаки рыхабар ыҟаӡамкәа аԥсҭа еиҩыхаара инҭаӡуан. Адырҩаҽны
ианаац, ацәылашамҭаз излаац амҩала еиҭааҭалон. Дрылганы, абыжьбатәи анишь, икнаҳаны акраамҭа дгьыли жәҩани
идирбон. Сара саҵахеит даҽа џьоукы рус сахьаҿыз азыҳәан,
ус анакәха, сыԥсҭазаара схы иазыскызҭгьы, иахьа уажәгьы
жәлар рыгәҭа срылатәазаарын. Ирбааит, ирдыруазааит, дгьыли жәҩани, схы ахьчара макьаназгьы ишсылшауа.
Игәазхара иџьықәреирҭа дналс-ҩалсны, игәазхара акартош гәаҭаны даналга, амш лашара шҿыцәаара иҿыцәааны
иалгахьан. Ахәлара ианалагаҵәҟьазоуп алакыҵақәа аны
ҵнаршәааз. Ҳаразгьы ԥсаҵлак амҵан сыԥхьап, мцак ахы
ааиласҵап ҳәа данаахәыцыз, аха аҵх еиҳа-еиҳа еима
ҳауеит, дшазыԥшыз еиԥш акәымкәа, ашьхақәа иаархыкны аҵылашара иалагеит ажәҩан. Амза ҭҭәааӡа, ишеишеиуа ианыҩагыла, ишеикәарҽыз ажәҩа инхишьын, иҳаԥы
ашҟа дхынҳәырц амҩа дықәлеит Ҳараз. Имҩа убасшәақәа
иҟан, еиҳа иархарон, дахнаркәшон аҳабла далганы дызгоз
амҩа ала дцар. Бзиарас имаз, рыҩныҟа дшымҩахыҵуазгьы,
аҩнаҭақәа ирдәылҩны, ашҭақәа ирықәыҩны иаҳауан ауаа
рыбжьы. Егьа дацәыбналаргьы, егьа ицәымӷзаргьы, ауаа
реиқәҿҭбжьқәа ахьиаҳаша дниасны дымцар изычҳауамызт.
Изысҭахыз, исмаҳац исаҳараны иҟаз ҳәа мчыбжьык ихы
дазаӷьуан. Ихыԥсааны ауаа рхырҿқәа реиԥш рыбжьқәагьы
гәхьааигауа даналагалак, акы даанашьҭуазар, аҳабла дналсны деиҭаахуан. Аҳабла ҳәа иашьҭаз, дара инхоз ракәын, мамзар, аҳаблақәа реиланхашьа збахьоу, издыруа уи аҳабла ҳәа
изазҳәагәышьомызт. Акраамҭа изеилкаауамызт Ҳараз абас
еицәыхара-еицәыхараны изынхоз. Еиҳа еиӷьӡамыз Аԥсны
иҟоу Сибра ҳәа ззырҳәауаз аӡынра аҽацәыхьчара, еиҳа
ирзымариаӡамхоз рҟәарӷь ҩнқәа еиҳа еизааигәаны еидгылазар. Усҟан рыԥсҭазаара шәарҭахон даҽа ӡынра бааԥсык, даҽа
ҵаа цәгьак аҽацәыхьчараҿы. Изцәыбналоз рыԥшаара рзымариахо. Уажәы убас еиԥш иԥхьакны, убас еиԥш уаҩ гәҩарас
иахьимаӡам ицәыҵанхон рырбаандаҩраз агаҿантә иаауаз
ракәым, ԥсҳәаа рхаҭақәагьы ирыздыруамызт, ирымбаӡацызт.
Аибашьра иалагаанӡа ақыҭа иалицаз апап-цыркь дахьы
қәибааз ашҭа хәыҷы днавсны дцар акәын. Уаҟа дааҭгыларц,
ауаа рбыжьқәак иаҳарц дашьҭамызт. Апап-цыркь иԥҳәыси иареи рымацара ракәын иахыз. Аҟәарӷ ҩны ааигәараҵәҟьа игылаз аҵла иалԥханы аҩны ахыб иахьақәԥхоз, амза ашәахәа
шкәакәақәа алда-алданы еилыӷраан. Ушгылоу ухыҵны
уҩналартә илаҟәыз, егьыхәыҷыз аԥенџьыр иҭааӡа алашара
алԥхон. Иабџьар иазқәынҵа, илаба иҵарс дааҭгылан аҟәарӷ
ҩны иҩныҩны иааиуаз ашәаҳәара дназыӡырҩит. Иара
иаҳарц дзыргәаҟуаз, дзышьҭаз ауаҩытәыҩса рцәажәара
акәын. Ихаҭа ажәакгьы имҳәааит, рцәажәара зынӡаскгьы
даладмырхәааит, аха илымҳақәа ирҭаҩлааит ауаатәыҩса
реицәажәара. Иҟазаарын ацәажәара аҵкысгьы инеиҳаз,
ихаҭагьы изымдырӡо еиҳагьы дзыргәаҟуаз, зынӡаск ихашҭра
иаҿыз игәаҵаҿы иҿыцәаахьаз. Ицәтәымӡо шьҭыбжьык иаҳар
еиԥш ашәаҳәабжь агәхьаа мкыкәа, ауапцәа хылԥа ихаршьшьы, игәашԥы инахысуа иҿажьыз ижьакьа жәпа инапы алшьуа, ацәыҵаӡырҩра ахаҵа иаҭәам ҳәа ԥыҭкгьы даанаскьеит, аха иамуит, иххәыцра иаҟәыҵит ишьапқәа. Иԥырхагамзар
акгьы ихәомызт зхаҵацара ашәҭымҭа иҭагылоу аҭыԥҳа
илеиԥшха, иҭҭәааӡа ахаҿы шамшамуа ажәҩан иаҵасӡо инеиуаз амза. Ауаа дрымбартә ааҵра давҵагыланы аӡырҩра
акәым, раԥхьа, ианамуӡах рыгәҭа акәзар, рҵыхәан агылара зхы иаҭәазымшьоз Бақьыр-иԥа Ҳараз, реиҳа ламысдарас ииԥхьаӡоз ак ҟаиҵозшәа ихы шиԥхьаӡозгьы, ишьамхқәа
ҵыс-ҵысуа, акәтҵара иахаҩо ӷьычҩы ччиак исахьа иҭаны,
ашьшьыҳәа агәашә ааиртын, аҳаскьын татара дылаԥало
аҟәарӷ ҩны ашҟа иҿынеихеит. Убас ашьҭыбжь лаҟәуа
иҳаракуа иаҳахьеит арҩаш. Уахынла аҵх лашьца далаӡырҩуа
аҳаԥаҿы дышиоу, иааигәаӡаны ашьҭыбжь агара иналагоит арҩаш, нас иаҳа-иаҳа ихарахо ашьхақәа рынхыҵҟа инаскьоит. Уи агоит, иаанагоит аԥша, аха ари ашәаҳәабжь… Ус
иҟазаап изҳәауа рашәаҳәашьа. Ааигәараҵәҟьа дымнеикәа,
аԥенџьыр дналԥшит. Ибла иаахгылеит ихәыҷреи иқәыԥшреи
днарҭысаанӡа, иан, даҽазны ианду, анцәа иашьапкразы аныхабаа ашҟа даныргалак иибалоз. Арҭ асҟаҩыкгьы злакызеи
ари аҩн хәыҷы. Еивҵаҟыҟы, ршьамхқәа арс игылоуп аҳәса,
ахацәа, рыблақәа ҭыԥхаауа аҭыԥҳацәа, рыхцәқәа рыжәҩахыр
инықәсуа ахацәарԥар. Рашәа гәхаршҭга ҳәаны ишаалгалак,
рылахь рыџьымшь рӡатәуеит, ихырхәоит, нас иматанеира
инациҵоит… данаалеиҩеи иныҟәашьа мацара адагьы уаҳа
иҭахӡамызт дидырырц азыҳәан… абар ақыҭа иалицаз апапцыркь. Иныҟәашьа еиҳа ихьанҭахеит, ибӷагьы нылгәыгәит,
егьирахь, иаҳарак иблақәа ауаҩы ианихәаԥшуагьы, анцәа
иҳәауашәа ишԥшыц иԥшуеит. Лыԥсы ҭоушь иԥҳәыс, дызмаз
амонах дкажьны апап диццеит ҳәа зыӡбахә иарҳәахьаз?!
Аматанеира иаҳа-иаҳа иаланахалон, рашәаҳәара зны
ажәҩан иаҵаӡуан, ҽазны адгьылаҿ инышьҭабон. Хәшԥырӷык
ахьаанымхаз, ахәа-ццышә мацара ахьақәшәоу, ахәышҭаара
егьа даҭәҳәаргьы амца шзеиқәымлауа еиԥш, уи аматанеиашәа
ауаатәыҩса ргәаҵаҿы иарҿыхало ҳәа акгьы изнамырҿыхеит
ажәытә револиуционер Бақьыр-иԥа Ҳараз игәаҵаҿы,
аха апап-цыркь дшынаихәаԥшыҵәҟьаз ибла иаахгылеит
гәалашәарак, еиҳараӡак активла (адырҩаҽны араион ашҟа
иишьҭыз ашәҟәыбӷьыц аҿы убасҵәҟьа аниҵеит «еиҳараӡак
активла ихы ааирԥшит…») зегь рыла узықәгәыӷратә иҟоу ҳара
ҳкоммунисттә партиа иааӡаз акомҿараа рԥыза». Апап иԥҳәыси
иареи ирзышьҭыхуаз амаҭәақәа еидҳәала, ирыҵаланы, рысаби дыргәыдыҳәҳәала аҩны идәылҵны ианца ашьҭахьгьы,
акомҿар ԥыза имԥыхьашәаз амаҭәақәагьы «арҭгьы жәга, ҳара
ҳуаа гәыразқәоуп, шаҟа шәҭаху шәаҳҭоит» ҳәа, – иршәны
ириҭауан, аҩны ирласны амца акырц, ирласны иблырц агазгьы
зыԥшааз иара иауп. Апап иматанеира, зшьамхқәа арсны игылаз рышәаҳәара, аеҵәа акәаӷӷа ишамшамуа ажәҩан ахьынтә
иааԥшуаз амза, иарбанзаалакгьы амч иқәымхакәа Бақьыриԥа Ҳараз игәаҵаҿы мца ԥхаррак ҳәа акгьы шрызмырҿыхаз
еиԥш, ахьхәра, агәнаҳа ахыхра уҳәа иарбанзаалак акгьы
изнамырҿыхеит даҽа гәалашәаракгьы. Ишааизцәырҵызҵәҟьа
иара акгьы шихарам ҳәа ихы злаҿихыша ажәақәа рҿаархеит…
иаашоны рыҩны индәылаҳцан, агәашә иҭымҵыцкәан амш
цәгьа бааԥс ҟалеит. Убасеиԥш қәак леиуан, иамуит, аҩны
амца изацрамҵеит акомҿар рԥыза. Иаиркын ицәеит, еиҭа
иаиркын, еиҭа ицәеит. Ҳара инаҳагӡар акәын апартиатә дҵа.
Апап-цыркьгьы иманахцәагьы ҩықәцаны рынхарақәа ҳаблыр
акәын. Уара уакәзар ишԥаҟауҵоз? Амш цәгьахан, ибааӡар
ҳәа ҳшәеит, ахьҭа рылалар ҟалон, рыҩнқәа иҳаздәылымцеит,
аконтрреволиуциатә банда рыцҳаҳшьеит ҳәа адокладнаиа
записка ҩны иушьҭрызу араикомахь? Амш цәгьан, асԥычка
еихьаҳшьын ицәеит, уи анаҳаркы аӡыԥсы зхьыҵәҵәоз
аҭӡамцқәа амца рымкит, ҳаҭамзааит, убри азыҳәан ауп
рынхарҭақәа заҳамблыз ҳәа узанҵарызу? Агәеилыхха акы
иаҵамхоз акомҿар ԥыза, ҳазҿу закәызеи агаӡақәа, абан агаз
лампа ахьарку, агаз лақәаҳҭәар ҳаалымгеи, иҳәеит. Ҳаԥсы
ҿихит. Икыдхаҽа ақәа леиуазар, сара иасырума, рысаби ахьҭа
илалазар, дырԥханы деиларҳәандаз…
Аӡы самгарц азыҳәан аԥслымӡ шаха сшәыркы ҳәа иҳәҳәоз
еиԥш, абас еиԥш иҟаз аԥсҿыхга ажәақәа рыла игәы дыш
ҭацәажәоз, иаҳа ихәашаз даҽа гәалашәарак дназкылсит.
Апап-цыркьи аманахцәеи рынхарҭақәа былны ақыҭа иалыр
цеижьҭеи мчыбжьык ааҵхьаны, аҩны дахьааиз, уаӷеимшхарак
дақәшәазшәа, лылабжыш лыкәааша, амамеиқәара лхатәаны,
лылахь-лыџьымшь ӡатәуа, ҳаҭанаумҵан, ҳаҭанаумҵан ҳәа
анцәа диашьапкуа, аҩны дамкуа дыҩнан иан.
– Иҟалазеи, ди ибыхьзеи?
– Узшаз уаҭанеимҵааит, нан, узшаз уаҭанеимҵааит. Изакә
гәнаҳароузеи уҩызцәагьы уаргьы иныҟашәҵаз.
– Иҟалазеи, иҟаҳҵазеи?
– Аҩны иандәылышәца, рынхарақәа анышәыблы апапи
аманахцәеи, даҽа мышқәак, даҽа ҵыхқәак ақыҭа иалымҵыкәа,
иахьынарышьҭуаз макьаназы аҩсҭаацәа ирымфац ҩнаҭақәак
рҿы иҟазаарын рҽыԥхьакны. Апап исаби ахьҭа илаҽит ауха,
агәыҵәкра ихьит, дырцәыԥсит, ақыҭа акалҭаҿы анышә дамаданы иқәҵит. Унаҵаа-ааҵааишь, ақыҭаҿы ирҳәо уаҳап.
Ишәзыбзиарахааит быҷкәын иҟаиҵаз, асаби дишьит рҳәеит.
– Сара сакәмызҭгьы, ди, апапгьы аԥхьа днаргыланы,
аманахцәагьы, ҳәса хацәа ҳәа неилых ҟамҵакәа рызегьы
иларгәыдҵаны иршьуан. Уи бдыруоу бара?! Убасҵәҟьоуп сара
адҵа шсымаз. Рызегьы ааизганы уаҩы иахьимбаша иганы
рышьра… Иҭабуп ҳәа сарҳәааит рыԥсы ахьеиқәсырхаз. Асаби
ахьҭа илалазар, ди, сара соума ақәаршҩы лазышьҭыз?! Дрыцхраандаз, ҳа-ҳа-ҳа, дабаҟоу изымҵахырхәауаз хыхь иқәтәоу?!
– Ԥырхагас иҳаумҭан, ҳамдырра ҳаҭоумҵан, ухьышьар
гәыҵа сакәыхшоуп… – иара данцоз иан лныҳәаԥхьыӡқәа
ишьҭахьҟа иааҩуан, дцеит иусқәа инарыцҵаны инаигӡарц.
Абри ахьынеигәалашәоз, дахьыҟаз, дахьгылаз иханаршҭит.
Изгәамҭаӡакәа иаԥхьаҟа шьаҿақәак ныҟаиҵан, ихы адкылан
аԥенџьыр алԥшра дналагеит. Иматанеиуаз апап данаахьаԥш,
иматанеира неиԥҟьаны иҿы ахьаатыз ибжьы наихәлашәаны
даанхеит. Иҟаиҵара дақәымшәеит аԥенџьыр илаԥшуазгьы.
Анцәа дхазҵауа аӡәы дааин, аҩн аҩнуҵҟа аҩналарҭа
изымԥшаазаап игәахәын, дцыркьыԥуа ашәахь иҿынеихеит
апап. Аҩны даԥырҵны дцарцаз ашырҳәа иҿынеихеит Бақьыриԥа Ҳараз, аха урҭ еиҿамҳакәа еиԥырҵшьа рымамызт.
– Анцәа узқәиҵаз амҩоуп арахь уаазгаз, анцәа уисабииуп,
ауаҩы, уааи арахь, –аҩны ашә ҟьаҟьаӡа иааиртит. Алашара
иаадәылԥхаз, ацәа-цәашь афҩы ацны, Ҳараз инаиҿаԥхеит.
Рылаԥшқәа анааиԥыла, рҩыџьагьы иҟарҵара иақәымшәо,
ирҳәара рҿамшәо еиҿаԥшуан.
– Анцәа заҵәык иоуп изылшауа уара уқәӡбара, Бақьыриԥа Ҳараз. Амҩа иашахь укылсзар умҩахыҵ, сара зегьы уанасыжьит, – иҳәан илахь-иџьымшь иӡатәырц инапы анҩышьҭих,
инапы наҟ даанахан, илаба рыӷәӷәа-рыӷәӷәаны иарсуа, ишәақь
агәыцә ихы иаахыҳәҳәо агәашәахь иҿынеихеит Ҳараз.
– Акыр данынаскьа, амзагьы имҩа азмырлашартә ашь
хақәа ианрыҵала, амш цәгьахаргьы ақәа иҟәнакыртә амахә
ҭақәа еиларсуп зигәахәуаз ԥсаҵлак амҵан длатәеит. Амца
еиқәиҵеит, иамуит. Дыцәа акәым, ҭынч атәараҵәҟьагьы илымшеит. Иԥырҵуамызт апапи иареи реиниара изнарҵысыз даҽа
гәалашәарак.
Аныхабаа андырбга, хаҳәи-мҿыхәеи ахьеилажьыз ирылганы илҵәахыз аныхаԥаа шылкыз лыԥсҭазаара даналҵуаз
уасиаҭ ажәаны инлыжьыз иан:
– Сара санԥслак, нан, исзыҟауҵо ҳәа акгьы сҭахӡам. Сыԥсы
шҭоу ауаса хәыцеиқәаҵәа злам ааганы, иҟауҵахьоу агәнаҳа
уаҭанаимҵарц, угәнаҳара ухихырц ауаса шьны уныҳәа.
Игәнаҳа уқәуп, нан, апап исаби, уаргьы ахәыҷы думоуп, убри
уазхәыц… Ауаса хәыц еиқәаҵәа злам…
Ауасақәа акы акәым ҩбагьы сшьит лара данԥсы, акы ахаатәы
анырфоз, аҩбатәи – ашықәс аан. Сара схәыҷы машәырлоуп
дышҭахаз. Исхароу убри ауп даҽаџьара исҵәахыр акәын
атапанча. Зынӡаск акажьшьа сымамызт, исызҭаз раҳаҭыр мацара акәым, схаҭагьы сыԥсҭазаара азбжак уи иадҳәалоуп.
Ҩажәи акы шықәса ааноума, аколлективизациа ашықәсқәа
рааноума… Аибашьра ашьҭахьгьы, атапанча уџьыба ишҭам
анырдыр, иануцәымшәа, шаҟаҩы ацәыбналодаз аусура.
Зны, сыԥсымзар, ҩажәижәаба шықәсазы акоммунистцәа
ҳанеизига дышҳацәажәаз. Шаҟа ибзианы иҳәазеи Нестор Лакоба: «Аколхозқәа шәҭахума ҳәа шәанразҵаа, аус
ыҵашәырбгеит ауп. Ажәлар ирҭаху рхаҭагьы ирыздырӡом.
Мчыла иҭоуцалароуп џьанаҭ» Излаҭоуцалоузеи?! Уарԥыс
еилыххоуп, абри атапанча зегьы ҳахьӡала иумаз ҳәа ианынеидыркыз ашықәс акәым, амзагьы ихашҭуам ԥсраҽнынӡа,
избанзар, ӡызлан дызбаз еиԥш, убри амш инаркны инаҳәыааҳәит, даҽа мҩак ианылеит иԥсҭазаара.
…1918 шықәса, цәыббра мза аҽааҩнашахьан. Ауапа ибзианы иукә́умыршар, ахьҭа уакуан, узыцәомызт ладагьы
ҩадагьы аԥша зыҩнашәшәоз ахьшьцәа рҭыԥаҿы. Ладагьы
ҩадагьы ажәҩан рҽаларсны игылаз ашьхақәа рыхҭарԥа
шкәакәақәа дырҿыцхьан, амра анрықәыԥхалакь ула агәы
ԥырҟауа ицыр-цыруан. Еиҳа ашьҭыбжь маҷхеит рҭыԥ анаҩс
уахьналбаауаз еибахеибафо иҭаҽҽоз арҩаш. Ахьшьцәа
рбызшәала Агәаз ҳәа изышьҭаз, заԥхьаҟа иқыҭа мацара
акәым, Аԥсны зегьы иазку аизарақәа рҿы Бақьыыр-иԥа Ҳараз
ҳәа зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы ирҳәараны иҟаз арԥыс
ҵәрышкәа жәаф шықәса дырҭагылан. Иадыруазеи аҵиаа ҟата,
аԥсабара иахшаз, аԥсабара зааӡара иаҿу. Абӷьқәа ҿнаблаауа
амра анкацеиуа аԥашәқәа ацәаакыра рыԥшаалароуп адгьыл аҿы, амахәҭақәа аҟәнарԥсаауа агәахы анҭнаршәаауа
ахьҭа, убасҟангьы иԥсеиқәырхагоу аԥашәқәа роуп, адгьыл иалоу аԥхарра ҩаганы ацәеижьы иаларҵароуп. Убри азыҳәан
ишоуп, убри егьаҿызароуп. Жәаф шықәса ирҭагылаз Агәаз,
жәытәнатәаахыс инхацәаз, рышьхагәара аҽыуаҩ дзакәшом,
рыԥсасеи ршьамаҟеи уаҩы изыԥхьаӡом ҳәа зхырҳәаауаз
Бақьыр иԥацәа рхылҵшьҭра, Ҳараз, аԥсаса шьыжьи хәылԥази
реилыргареи ианаамҭоу аиҳабацәа аӡыхь хьшәашәа рзаагареи раамышьҭахь, гәҭыха ҷыда змамыз, заԥхьаҟагьы
иабацәа урҭ рабацәа рымҩа ззыԥшыз иԥхыӡ иалаӡамыз
ҽнак… Шьыбжьышьҭахьын убри аҽны. Аԥсаса уажәшьҭа аҭыԥ
ашҟа ихьарԥшлатәын. Амра ахьнеихьоу днахәаԥшуан. Агаҿа
аганахьала игылоуи, Нхыҵҟа аганахьала уи иахыҳәҳәауеи
ашьхақәа рыбжьара ахы набжьанакызар, амра аҭыԥ ашҟа
иԥхьацалатәуп арахә, инкыдҳәыла-аакыдҳәылауа аҭыԥ ашҟа
инеиуеит, амрагьы ахаҭа имбаӡо анҭ ашьхақәа ирыбжьыԥхо
иалагоит ашәахәақәа ҟаԥшьы уаркалеиуа. Рҭыԥ ахьгылаз ахахьы иниасны ицон Наб аӡиас, Нхыҵҟа егьырҭ ахьшьцәа ахьгылоу анаҩстәи ашьхақәа рышҟа инеиуаз амҩа, шамахаӡак
акәымзар, уи амҩа ианысуаз зегьы уаҟа ианиасуаз ма
ашарԥаз, мамзаргьы шьыбжьаанӡа акәын, аха уажәааны
ианнеихьоу аамҭазы, насгьы ҽылагьы акәымкәа шьапыла… Иҵегьы Ҳараз иџьеишьаз, рыхәҩыкгьы еиҩдыраашьа
рмоуа еиԥшны еилаҳәан. Ишьац-ԥштәылаз рыблузақәа
ргәышԥқәа рҿы аџьыбқәа ҟәазӡа, адәахьала реиқәақәа
рықәҵаны амаҟа ҟьаҟьақәа рымӷан, иабацәа иабдуцәа
иныҟәыргац аҳәызбақәа рыҟәнын. Ашьҭахь, акыр шықәса
аныбжьыс, уи аиԥылара анигәалаиршәоз, иҳәар аныҟалозгьы
имҳәакәа игәанала даназхәыцлозгьы, акакәын ииҳәалоз, урҭ
реибыҭашьаҿы ишаԥсуааз злоудыруаз ҳәа ирыдибалаз убарҭ
рмаҟақәа ирыдҳәалаз аҳәызбақәа заҵәык ракәын. Егьырахь
атапанчақәа, ацинк шәақьқәа, ргәышԥы иадыз аҟанҭаруазқәа,
реиқәақәаҵәҟьа рыӡахышьа, зегь рыла иуҳәар ауан ҳара
араҟатәиқәам ҳәа. Иџьеишьаз даҽакгьы – мацәак ҩ-мацәак
раҟара рыбжьамзаргьы, харантәи уанрыхәаԥшуаз, алаба рхыршьылазшәа, рыхәҩыкгьы аурыла еиҟаран. Акыр
ҵхьаноуп Ҳараз ианеиликааз ус изыҟарҵоз Кьаразаа – рԥыза
иҵәахра еиҳа имариан.
– Аранӡа уааишь, уара арԥыс, – иҳәеит ибжьы ҷыхьӡа,
ашьҭахь аҭыԥаҿ аиҳабацәа Ҷнагә ҳәа изыԥхьоз Нестор Лакоба. – Умшәан, уԥхамшьан, ухәыҷума уара уажәшьҭа ар ԥызара
рзызуша.
– Убжьгьы аарду, илымҳа иагуп иуазҵаауа, – иҳәеит егьи.
– Шәҭыԥ аҿы иҟада? Шәабатәиқәоу? Шәзыжәлақәада? –
азҵаарақәа неишьҭаирххит илымҳа иагуп ҳәа ззырҳәаз…
Иааркьаҿ-ааркьаҿны ибжьгьы ҩҭыга азҵаарақәа зегьы рҭак аныҟаиҵа, адагәа игәаԥхазар акәхап дԥышәарччо
ижәҩахыр днас-насит.
– Афырхаҵа! Гәеилыххак уоуп, – иҩызцәа рышҟа даахьа
ҳәит, ҳгәыԥ ашҟа дҳадаҳкылап ҳәа сыҟоуп?! Ухәыҷцәоуп
акәымзар уҳадаҳкылон. Акы уасҳәашан, ишԥауҳәеи ухьӡ?
Аиеиҵәҟьа, Ҳараз. Шәҭыԥ ашҟа ҳноугароуп Ҳараз. Абни ахыб
иаабо аума шәҭыԥ? Уара уҟаз, ҳхала ҳнеиуеит. Уаннеилак ӡык
ҳуржәып, ҳҿы ҭабоит, убас аӡба ҳакуеит.
– Амҩасцәа аӡы дҳаржәӡом. Хырҵәыршлоуп, ҳабҟәыл еснагь ахырҵәы ҭоуп, – игәаӷьра иацлауан Ҳараз. Ашьҭахь еиликааит, уи ауаҩ, Адагәа, иҟазшьақәа ируакын – даазацәажәуаз
дҳараимкуазар, џьара акала длаирҟәамызт.
– Уара ари арԥыс хшыҩлагьы дыбзиоуп. Дхәыҷцәоуп,
ииашоуп, дхәыҷцәоуп амзар иахьаҵәҟьа ҳара дҳаманы
ҳцон, иухьӡузеи, иужәлозеи, узԥада? – иҳәеит ддагәоуп ҳәа
ззырҳәоз.
Ирҳәоит Ӡызлан-Ӡаҳкәажә дызхәаԥшыз ахаҵа ауаатәыҩса
рдунеи игәы ахлыршәоит, уинахыс лара лдунеи ашҟа диалгоит ҳәа.
Убасҟан, хараӡа ашьхақәа рҿы, Нестор Лакоба иҩызцәеи
иареи раԥхьаӡа ианиба Ҳараз досу иаарҳәоз ажәак
ныбжьмыршәкәа иахьагьы игәалашәоит.
Иаб, иаб иашьцәа, еицӷьычуаз, зырахә еилаз аӡәаӡәала
зегьы аԥсшәа ааибыҳәаны аҭыԥ ишыныҩналаз, уаанӡа убри
иалацәажәоны, рацәажәара инациҵазшәоуп дшалагаз Адагәа:
– Ҳара ҳтәы иагоит, иухьӡузеи, Џьаҭқьар уҳәама? Уара
уоума абчараҳ Џьаҭқьар, аҳаҳаи ҩашьарак умыхьын. Мызки
бжаки заҵәык ракәын Аԥсны ҳара ҳнапаҿы ианыҟаз.
– Шәызусҭцәада, дад, ҳара ҳәа узҿу? – ижакьа аҵыхәа
инацәахы иахаиргьежьуан Ҳараз иаб Џьаҭқьар.
– Ҳароу? Абна агәҭа улахазаап уара?! – Изеиҳәоз иаҵ
кысгьы изаҳауаз ираҳәо ҿааиҭит Адагәа, – ҳара ақырҭқәа
Аԥсны рықәцара иаҿу? Ҳҽеибаҳҭеит, Кьараз ҟаҳҵеит.
– Ақырҭқәа зегьыҵәҟьа ықәаҳцарцу?
– Иаҳԥырхагақәоу.
– Ҳара аӡәгьы даҳԥырхагам иҳәеит Ҳараз иаб иашьа
Џьарнас захьӡыз ахьча. – Дқырҭуоума, дагыруоума, Ҷнагә,
ҳара аӡәгьы даҳԥырхагаӡам. Иаауеит, ҳамхқәа дҳаррашәоит,
ҳажьқәа дҳарҭаауеит, ҳамаҵ дҳаруеит, иабаҳԥырхагоу.
– Амчра рнапаҿы иааргеит, зегьынџьара дара ахагылеит,
ишԥаҳԥырхагам, – иуамызт Адагәа ицыз руаӡәк. Данцәажәоз
уеизгьы-уеизгьы ма иҟама дамҵасуан, ма атапанча
инадирӷәӷәалон инапы.
– Аиҳабырақәа ирхагылеит уҳәоу? – иуамызт Ҳараз иаб
иашьа, – аиҳабыра ишыҟоу умбои, ақырҭуа дааины даҳ
хагылаанӡа, иҟадаз, сара суазҵаауеит, иҟадаз? Аурыс духагылазар еиҳа еиӷьума?
– Аа, сааухаҵкуп, уаангыли, уаангыли, – ахәышҭаара аԥхьа
ақыдсаҟә дахьықәтәаз ашырҳәа дҩаҵҟьеит Адагәа. Усҵәҟьа
ддагәамзаап, зегь иаҳауазар, – аа, абар иахьиҳәаз ҳахьаҵахаз
зыхҟьаз. Ақырҭуа дықәаҳцар, аурыс дааиуеит, уи еиҳа деиӷьума
рҳәан, иҳадымгылаз аԥсуаа рацәаҩхеит, убри ауп иҟалаз,
убри азоуп аменшевикцәа иаармарианы Аԥсны рнапаҿы изааргаз, – ишьҭахь, иаԥхьа, иганахь иажәа змаҳауа аӡәыр дынхар ҳәа дшәаны днаԥшы-ааԥшуа, иажәагьы аӡәы имҵиԥаар
ҳәа дшәаны, ажәақәа еишьҭарххы, иблақәа амца рхыҳәҳәыла
акәын дышцәажәоз. Убри аамҭазы ииҳәоз ажәақәа роуп Ҳараз
изыҳәан Ӡызлан-Ӡаҳкәажә лыгәӡра изаҩызаха. Уаанӡеи уинахыси ҳәа идунеи, иԥсҭазаара еиҩызшаз, – ижәбоит аҩызцәа,
ишәаҳаит ари ауаҩ ииҳәаз?! Аурыс даҳхагылан даҳрырҳан,
ақырҭуа дааит, ақырҭуа даҳрырҳар аурыс деиҭахынҳәуеит.
Ирацәоуп абас ихәыцуа аԥсуаа. Абри ауп ҳара ҳаҵазырбгаз,
– дааҳәны Ҳараз иаб, иаб иашьцәа ихы нарықәикит, – шәара
шәашьцылеит дарбанзаалак аӡәы инапы аҵаҟа аҟазаара.
Аҭырқәа, аурыс, ақырҭуа, аӡәы даҳхагылазароуп. Иауазеи, шәыххь згеит, даҽаӡәы дзаҳхагылара?! Исашәҳәеишь,
сшәазҵаауеит, даҽаӡәы дзаҳхагыларызеи?! Урыстәылан
аҳәынҭқар дахырҳәеит, Қарҭ агубернатор дықәырцеит,
аусуцәеи анхацәеи аԥшәымацәахеит Урыстәылан, Қырҭтәылан
акәзар, амчра ақырҭқәа рнапаҿы иааргеит. Сара сшәазҵаауеит,
сааихаҵкуп, аԥсуагьы иҩны иара дзаԥшәымамхарызеи?! Уара
Џьаҭқьар уаҩ ҟәыӷак уоуп, изҿумҭуазеи, исҳәо иашаӡами? –
икылкаан Џьаҭқьар, абчараҳ ихы наиқәикит Адагәа. Усҟан макьана издырӡомызт Ҳараз уи ауаҩ данцәажәоз ҟазшьас имаз:
ауаа маҷҩума, еизара дума, иажәа акыр аԥхылнадоит, ииҳәо
иацныҟәоит ззигәахәуа, хаҭала иидыруа, ма заа деилкааны,
ихы наиқәкны ихьӡ иҳәон. Уи ауаҩ ус еиԥш дналкаан зыхьӡ
имҳәаз, игәы ҟаиҵон, далахихуан, иара ишҟа дхьаирҳәуан,
дидымгылазаргьы асеиԥш ҳаҭыр сықәҵаны сыхьӡ зҳәаз ауаҩ
игәы сызнырхом ҳәа диҿамгылартә даҿаиҟ́әаҟәон. Уажәы
дкылкааны дыхҭаикит Ҳараз иаб, абчараҳ Џьаҭқьар!
– Сара, Ҷнагә уххь згеит, уӡбахә бзианы исаҳахьеит. Аешбеи
Алакәабеи Аԥсны рнапаҿы иааргеит, анаместник дықәырцеит
рҳәеит. Иумбои, дад, ашьҭахь иҟалаз, ақырҭуа дхынҳәит.
Шаҟаҩы ршьыз убоит, аҩнқәа рыблит, ауаа хдырҵәеит. Ҳара,
дад дукәыхшоуп, аԥсуаа ҳахҵәахьеит, ҳақәӡаахьеит. Ҳамч
зықәхауеи изқәымхауеи ҳаздыруам. Акамбашь иақәԥаз ацә
атәыҩа хжәеит иҳәеит. Сара усызхәыцуазар, дад, иҟаҵатәу
уасҳәап? Еицәажәааит дара, аурыси ақырҭуеи. Ирҭахызаргьы
еимаркааит Аԥсны, еибашьааит, иқәибахааит. Уара, дад,
иҟалап аҭоурых цқьа иузымдыруазар. Аурыси аԥсуеи Лыхны
ианеибашьыз. Иҵхьоузеи уи аахыс? – иара иҳәаанӡа иажәа
наиҿԥааны:
– Уи аибашьра ҟалеит 1864 шықәса азы. Уажәы 1918
шықәсоуп. Ус анакәха, иҵуеит ҩынҩажәи жәиԥшь шықәса, –
иҳәеит.
– Сгәы иахәеит иахьудыруа, ишырҳәо еиԥшҵәҟьа
уагьҟәышзаап. Уӡырҩы, дад, асеиԥш иҟоу аус ала ауаҩы
дыхәмаруам. Шьхатәылан аныҟәаҩцәа, дад, ишырҵасу
уасҳәап? Абӷа еибаркыра умацара ухаларц иуӡбазар, уи дад,
уара иуусуп. Убӷалама, унхама, ишиашамыз амҩала уцама
уара уда аӡәгьы иԥырхагам. Аха, Ҷнагә, шьхатәылан аныҟәаҩ,
зхы замхакәачроу аӡәы иакәымзар, ахаан ихы иаҭәеишьом
изымдырӡо амҩала ауаа ихьырԥшны амҩа ақәлара. Ихгьы
ҭаирхоит, ауаагьы ҭаирхоит. Изхысҳәаауа, аурыси аԥсуеи
Лыхны ианеибаашьыз сара саб агәҭаҵәҟьа далагылан. Сара
суазҵаауеит, иалигазеи? Аԥсуаа џьоукы, аурыс дгьаауруп,
аџьаама ирхәымгоит, ифҩгьы ҳаҳауеит, дҳамбароуп рҳәеит.
Абџьар шьҭыхны иқәгылеит. Урҭ аҭырқәа идгылон, сабгьы
дназлаз. Даҽа џьоукы аурыс дқьырсиануп, аҭырқәа иаиркыз ҳныхабаақәа, ҳзааиртит уи ҳаиқәирхоит рҳәеит. Урҭ
абџьар шьҭыхны аурыс идгылеит, аҭырқәа дҳамбароуп ҳәа
иқәгылеит. Араҟа аԥсуаа дара-дарагьы еиҿаҳаит. Избан, дад,
изеибашьрызеи дара-дара? Аҭырқәа даҵахар Аԥсны аурыс игоит, аурыс даҵахар Аԥсны аҭырқәа игоит. Ҳара, цқьа
уазхәыци, уигьы ҳхы зиқәаҳҵарызеи, уара дад, егьигьы.
Ашьыжь иҳәеит, – изеиҳәоз асасцәа ракәын, аха иара итәқәа
ихы нарықәикит, ашьжьымҭан амра аныҩхашалоз, иҳәеит
саб, ацәажәара далагеит иҳәеит, Шамы Осман. Аҭырџьманцәа
анааԥсалак, рҽеиҭнырыԥсахлон, иҳәеит. Иара дшаҿыз даҿын,
иҳәеит, амра лҭашәаны иааилахәлаанӡа. Изаҭахыз, дад, уи
аҟара аҳәара, иҳәатәыз ҩажәак ракәын. Иҳахьыз ҳахьит,
иҳахьыз гаӡараны иҳахьит. Аурыс иҿы абџьар шьҭаҳхын
ҳхала ҳхы ықәаҳхит. Ҳаиҿазыжьыз ҳнапала икнаҳаны
иаҳшьуеит. Ҳарҭ аԥсуаа уаԥсҵәык азноуп ҳахьыҟоу. Ҳхы
ахьеиқәҳархаша ҳаназымхәыц, адунеи ҳаныӡаауеит. Аҭырқәа,
уара уҳәынҭқарра дуӡӡоуп, уара, дад, дукәыхшоуп, аурысгьы
удууп, зынӡаск удыӡӡоуп, шәара бзиа ҳазбауа, (аҩыџьагьы
ҳшырбауа рхы рбааит), иҳацәнымхауа шәҩыџьагьы, дадраа
шәара шәнеидтәаланы ишәыӡба Аԥсны згаша.
– Иузымҳәеит Џьаҭқьар, иузымҳәеит. Аҭырқәа ҳаигаргьы,
аурыс ҳаигаргьы ҳара ҳзыҳәан зегь акоума? Џьаҭ иуӷә
саҵоукыргьы, Џьанҳәаҭ иуӷә сыхәда иқәуҵаргьы сара
сзыҳәан зегь акоуп аҳәеит, – иҳәеит, – ацәаӷәуацә. Усоума?
Ҳҳаиуанқәоума уара ҳара?! – деицрашәаны дегьҩаҵҟьеит
Нестор.
– Умыццакын, дад, уаангыли. Сара еиҭауасҳәахуеит ҳара
ҳзызхәыцша. Аурыс сигааит ҳәа, сара дад, ақырҭуа сызиабашьуама, мамзаргьы, дад дукәыхшоуп, ақырҭуа сигааит ҳәа
сара сызиабашьуама аурыс. Еилукаарашәа исызшәаҳәама?! –
иуамызт Ҳараз иаб Џьаҭқьар.
– Саргьы иуасҳәеит ҳәа сыҟоуп, еилукаартә. Сызгалакгьы
сара сзыҳәан зегь акоуп ҳәа, аҟәыӷа Џьаҭқьар, сара сҳаиуаным,
сара ус сызтәом. Аха Џьаҭқьар угәы иалымсын, уажәы иҟалоит
уара иузымдыркәа, иузымдыруа ахьысҳәо угәы иалумырсын,
уара иузымдыруа даҽакы. Аԥсны даԥшәымахароуп Аԥсуа.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3320Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3287Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3310Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3343Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3305Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21960.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3387Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3382Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3392Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3405Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23550.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3386Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23030.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3410Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3265Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3370Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.