LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
Süzlärneñ gomumi sanı 3344
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
сҭахымызма, ишакәхалак, ииашоуп акы, сшәыргәындахеит
узҳәом, снапы сҩаханы, иахьуҳәо сыҟоуп, ҳцап сымҳәеит.
Ус анакәха, усҵәҟьа ишәақәо среиуам. Ари уақәшаҳаҭума?
Ҳҿынаҳхап. Уаб данҭаркыз, иашоуп, исыхьчоз сымаҳә иакәын,
аха, аиаша ҳҳәап, раҳәшьаԥҳацәа рхацәа ракәым, иҵегьы
ирзааигәоу ауаа мап рцәыркуан изаҭәаумшьашаз ахацәа. Уигьы угәалауршәар, дшәыргәындан ҳәа сзызҳәо инаиҿоуқшо
акы ҳәа инацлоит. – Агаҿантәи иԥхаҵаны аԥша иаанацоз
аԥҭақәа днарыҵаԥшит. Ажәҩан еилыӷраан. Урҭ рышәшьыреи
аԥҭа ашәахәақәеи еимаркуан ашьхақәа. Ҭарсхан усҟанҵәҟьа
дазхәыцуамызт Адамыр ииҳәақәо зегьы анысҵап ҳәа. Агәра
ганы дыҟан ииҳәақәоз, зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы, аиҳарак,
реиҳа ихадақәаз, ихаҭа ишахьӡиҵаз ала, иуаз-гәалашәараҿы
ишыҟалоз.
Аҭаҳмада иажәақәа ананиҵа, иара иҟынтә инациҵеит
иаҳаз иаҳәшьа лҟынтәи, уиакәӡам аус злоу. Убасҟан, амца
иҿықәыҳәҳә, ибжьы ҿацаӡа, ажәеинраала даԥхьо дышнеиуаз,
Сталин ижәла инадикылеит ажәа «ашьажәҩы». Агәақьҳәа рнапы еинырҟьеит ажәлар. Убарҭ, хԥа ԥшьба шықәса убри аԥхьа,
Сталини амреи анеидукылалак, игыланы знапы еинызҟьоз.
Сара суазҵаауеит, дад, ианбыкәыз аиаша анырҳәоз ажәлар,
амра данадыркылоз акәу, данԥсы ашьҭахь, дшьажәҩын
анырҳәаз акәу? Иҵуазеи? Ҵыԥх уажәаанеиԥш акәын. Чарак
аҿы сыҟан. Ишьапқәа реиԥш, ибзгьы еилаԥаҭо, аҩы дашьны иҽаасгәыдижьлеит аӡәы. Дызбахьазар, дыздыруазар
акәхарын, аха дысгәаламшәеит.
– Уара, Адамыр, сара пату уқәысҵоит. Уара уеиԥш саргьы
сеибашьҩын. «Аԥсадгьыл азы, Сталин изы» – ҳаибашьуан, –
даҿуп иажәақәа еилаԥаҭо, – сара уи, Ԥаҵақьала, бзиа дшызбац дызбоит. Уаргьы убас уахьизыҟоу азыҳәан уареи сареи
ҳаишьцәоуп…
– Иуазҳәада ус сизыҟам ҳәа?! Ус санизыҟаз аамҭа цахьеит,
– сҳәеит амыждараз. – Дзакәыҵәҟьаз еилыскааит.
– Иара дзакәыҵәҟьаз акәым, аха уара узакәыҵәҟьазоуп
еилыскааз. Уара суцны ԥшыхәра сызцом, уаҩ дуқәгәыӷыртә
уҟам, – иажәақәа сгәыдиҵоит, арахь сгәыдикылоит.
Зцәазна аҩы ыжәны иҟаз ииҳәаз акәым, егьырҭ, иӡырҩуаз
иахырҳәаазоуп.
– Уажә ирбама…
– Иаразнак имааҳәи…
– Уажәшьҭа дабарҭаху…
Иааиларыԥсеит. Исықәыжьцәеит, ажәакала. Ашьшьыҳәа
снарылҵны сцеит. Изусҭцәадаз исықәыжьцәоз? Иуасымҳәеи,
иацы снапы иагәӡуаз, ҳукәыхшоуп ҳагәҭыхақәа ахьуҳәаз ҳәа
схаҵкы казмыршәуаз.
Игәҭахәыцрақәа рышьҭахь иаахиркәшеит.
– Иҟазар акәхап… Акәхап акәым, мхырҭа дук лауҵар, аҳауа
бааԥс ақәшәаны имир, ажәла мыӡырц азыҳәан, цырақәак аар
еиԥш, аӡәык ҩыџьак налкҩалкны иааннажьуазар акәхап ани,
мчык ҳәа сызҿыз, аӡәык ҩыџьак арҭ ҳаиԥш иҟоу ҳакәым,
ажәларгьы инархыҳәҳәаны ԥхьаҟа инаԥшыша… Уи аҩыза
аразҟы змада…
Уаанӡа дызлацәажәоз дназыхынҳәит.
(Ҭарсхан ианҵамҭақәа рҿы имаҷӡаны ианиҵеит, реицәа
жәараан иара, Ҭарсхан ихаҭа ииҳәақәаз, имаикыма, диқәша
ҳаҭызма, иныбжьаршә-аабжьаршәны ииҳәақәаз рыда, еилкаашьа амамкәа иаанхеит.)
Изхысҳәааз… Исгәалашәеит. Аҳкәажә дахьдырҳәуаз сеи
гәырӷьаҵәа ашәа аназысҳәаз ашықәсқәа раан, Ҭарсхан,
уара иуқәлацәоу шәакәым, маҷк инауеиҳабугьы уажәшьҭа
иргәалашәом, ажәабжькгьы зҩит. Иахьӡын «Аишәа ҭацәы».
– Сара саԥхьахьеит. Саԥхьахьеит акәым, акласснҭыҵтәи
аԥхьараз иҳадылҵеит арҵаҩы, – иҳәеит Ҭарсхан.
– Излашәыԥшаазеи, аибашьра еилгазар аахыс иҭыҵхьоу
арҵага шәҟәқәа акгьы ианӡам, сҩымҭақәа реизгақәа рҿы
иаласымҵеит. Уӡырҩла. Иаҳәозеи, изызкузеи уи ажәабжь?
Адинхаҵара ахыччара. Аҩсҭаа диҭаарц зҭаху, ишудыруа,
иашҭа дҭицоит анцәа. Мсылманк, уаҩ быргк, анамаз икуеит. «Иль-льаҳа, аль-льаҳа!» ҳәа, – дшаҿыз, ишьамхқәа арсны, илахь адашьма инадкыло, анамаз шикуаз, акамбашь
аҿаԥара иныҩналан, ашәындыҟәра иҭаз ашыла нҭырбзааны
иафеит. Амсылман ибеит акамбашь ашыла анафоз. Ашылеи
аллаҳи еиҭниԥсахлозма! Инамаз наигӡеит. – «Иль-льаҳа,
аль-льаҳа!» – иҭаацәа ирфо рымамкәа иаақәирхеит. Аҭаацәа
ааилатәеит ауха. Џьоукы аколнхараҿ аус руан, ачаи ҿырхуан,
аҭаҭын еиҭарҳауан зҳәаз еиԥш. Аҭаацәараҿы дрылан аӡәы –
акомҿар-активистка.
– Абысҭа злаҳуазеи, баба? – лаб днеиҿагылеит.
– Иҟасҵарызеи, баба дбыкәыхшоуп, ҳшыла акамбашь
иафеит. Аллаҳ дкажьны, ашыла ахьчара сзаламгеит, – иҳәа
гәышьеит аб.
– Аа, усҭ, баба, уажәшьҭа уаргьы абра иқәу ыфала! – лҳәан,
ашырҳәа аишәа аакынԥааны, асаба ақәтата иаԥхьа иналыргылеит.
– Исгәалашәоит, ажәабжь убраҟа инҵәоит,– иҳәеит Ҭарсхан.
Ажәабжь алгашьа ииашаҵәҟьаны игәалашәон, аха игәалашәон
даҽакгьы, усҟан, ашкол данҭазгьы, ашьҭахь, данстудентыз, зны
Адамыр Арҭанба иԥылараан, иара Ҭарсхан Ҭрамба «зыԥсы
ҭоу аклассик» изыҳәан ажәақәак аниҳәозгьы, уажәы, рхала
ианеицәажәогьы, иаахтны имҳәац. Ашкол данҭаз, изигәамԥхоз
издыруамызт. Иҳәарц далагаргьы, аҳәашьа дақәшәомызт.
Изигәамԥхо ҳәа даназхәыцлак, ихазы, иаҳа еиҭаҳәашьак
аманы, дзызкылсуаз акы заҵәык акәын. Иара иаб убас изиуамызт. «Аа, усҭ, уажәшьҭа уаргьы абра иқәу ыфала» ҳәа, – асаба
ақәтата иаԥхьа иргыломызт аишәа. Игәалашәоит, убасҵәҟьа
леиҳәарц шиӡбаз арҵаҩы, аха, изиӡарызеи, изымгәаӷьит,
иаҳа иаахтны иуҳәозар, дшәеит. Уи иаанагоз, ажәабжь иаҳәоз
даҿагылеит ҳәа акәын, арҵаҩы дизгәаауан. Лара лҳәашьала
мацарагьы иубон ажәабжь шаҟа бзиа илбоз. Афырԥҳәызба
ҳәа акәын ишылзылҳәоз аишәа ҭацәӡа заб имҵазыргылаз
аԥҳәызба. Ашкол данҭаз дшәаны имҳәазар, ашьҭахь, данстудентыз изимҳәаз зынӡаск даҽакын, ишдаҽакыз еиԥш ажәабжь
зигәамԥхоз. Аӡәгьы дицәшәомызт, аамҭақәагьы зынӡаск
даҽакын, аха имҳәеит Адамыр иаҳаҭыр азыҳәан. Иқьышә
инаақәыхх, иааигәалашәеит иаб изыҳәан иҟаиҵақәахьаз, ихы
ашәарҭа иҭаргыланы, уи ихьчара дшазықәԥоз, игәалашәеит
«сызкәыхшаша саншьа» ҳәа, – даҽа ажәак шизылымкуаз иан.
Уи илмаҳар ҟаломызт. Лгәы лнархьуан. «Иасҳәап абарҭқәагьы.
Ашкол санҭаз изысгәамԥхоз, аха изысымҳәаз, санстудентыз,
иԥылараан, санихцәажәоз, ари жәабжь самыԥхьаӡацызшәа
сахьавсыз зыхҟьаз, иасҳәап сгәы иаанагаҵәҟьо, Павлик Морозов дцәырҵаанӡагьы, убри иаԥхьагьы иара дшаԥиҵахьаз
ишьашәалоу ахаҿсахьа, ари аҩыза ахаҿсахьа, ауаҩԥсы
ишицәтәыму, еиҳараӡак, аиҳаби аиҵби, ани аби урҭ ирыхшази
апатуеиқәҵара динхаҵарак иахьаҩызоу аԥсуаа ҳҿы ҟалашьа
шамамыз, иҟалаӡазаргьы, ишҳацәтәыму, адкылашьа шыҟам.
Иасҳәап зегьы, изицәызӡарызеи сара сҩымҭақәа рзыҳәан
иара игәы иааҭаз имӡакәа иҳәазар, аҳәара мацароума,
рымҩа икызар» ҳәа, – игәы дынҭахәыцит Ҭарсхан. Иқьышәқәа
қәац-қәацон, иаԥхьаҟа диасшәа дааҭгылан, излеиҳәаша
ажәақәакгьы рыԥшаара дналагеит, аха уажәгьы изымгәаӷьит.
Уажәы иахьизымгәаӷьыз аҳәарагьы иаԥсаӡамызт, избанзар азхәыцра даналагаз иҟалашаз ҟалахьан, убри ашьҭахь
ианиҵазгьы зынӡаск даҽакуп. Анцәа сихьчеит иахьысымҳәаз.
Убасҟан сгәы ишаанагаҵәҟьаз – аламысда дҿырԥшыганы
дшааурԥшыз, уара уеиԥш иҟоу ауаҩ ҟәыӷа ишԥаузымдыри
ҳәа иасҳәазҭгьы, ашьҭахь, сымдыррала иҟасҵазгьы нацлар,
иаџьал сырааигәеит ҳәа мҳәашьа смоуа саанхон. Имҳәакәа
дахьаанхаз даҽакгьы иабзоуран. Ибзоуран иара, Адамыр
ихаҭа. Ҭарсхан акы иҳәарц шиҭахыз аниба, иҳәа, сузыӡырҩуеит
ҳәа аанаго, днаизыԥшит. Игылашьа иуанаҳәон, ахаҳә илеиуа
схы иамаахартә, снапқәа ақәкны уажәы исыхьчаргьы, зегьакоуп урҭ ахаҳәқәа смаахар ҟалаӡом, исзыԥшу ауп, иаҳа еиӷьуп
уажәы исаахар. Дыԥшын ихы ларҟәны, инапқәа дырҩаханы
ихы ақәкра игәгьы иҭамкәа, аха ахаҳәқәа леиуамызт, иара
уаҳа аԥшра илшомызт.
– Ишԥоуҳәеи, Ҭарсхан? – днаиҿаԥшит. Ицәажәашьа лафхыччарашәа акы аҵыҩуан, аха иблақәа ирҳәоз зынӡаск
даҽакын. Уи иблақәа реиԥшын амҩа харантә, ныҟәара
уадаҩрак аҟнытә дхынҳәны иашҭа даанаҭала, иҩны ԥшӡа
аҭыԥан аццышә инылаԥшыз ауаҩ. – Аишәа ҭацәы… Лаб
иакәӡам, дад, уи аишәа ҭацәы зымҵалыргылаз, лара лхоуп,
лхы… Аишәа ҭацәы рымҵаҳаргылеит… – уаҳа инаимыгӡеит.
Дахыццакуазар акәхарын реиқәшәара зиҭахыз аҳәара.
Уаанӡа дыззыԥшыз ахаҳәқәа даҽа еидарак нарыцлан,
илабҷашь иаԥхьаҟа инышьҭакшо, ахаҳәқәа нараахо, дхьанҭаӡа
иҿынеихеит. Иныҟәашьеиԥш иҳәашьагьы хьанҭан. – Иахьазны ҳанеицәажәоз иуасҳәеит шьала-дала ауаа реизыҟазаашьа
аҵкыс еиҳау акгьы шыҟам. Иԥшьоу убри аизыҟазаашьа ахәра
анызҵаз, ауаҩытәыҩса иуаҩра даԥырхагахеитоуп. Уи еиҭа
изугәаласыршәо, дад, уареи сареи ҳшеизыҟоу удыруеит,
саҳәшьа гәакьа улмаҭоуп. Цәыкәбарқәак ракәзаргьы, сшьа
улоуп. Аеншьа-аеҳәшьаԥара аахәаны суҳәоит, дад, ҩ-уск
рзыҳәан. Руак уҿаҿы иуасҳәоит, избанзар, ақьаад исзанҵом,
иҩны исызныжьуам. Егьи – мышкызны уаԥхьап. Раԥхьа сызуҳәо
(аҩбатәи иарбаныз Ҭарсхан изеилымкаакәа иаанхеит) наҟ
урԥырҵ убарҭ, маӡа-аргамашәа узыдҳәалоу. Уара ҩызаҵас,
саргьы иара сицхраап, иара сара даасыхәап ҳәа уишьҭоуп,
издыруеит, аха сыгәра га, ушҩашьо, уара ушизхәыцуа еиԥш
акәым дшыҟоу уи, узыцхыраауа, ажәахәқәа ззуҩло Виқтор
Ҭахәыц-иԥа. Ихы уахьаирхәаша мацароуп дзышьҭоу. Ҵоуп,
уаргьы духәақәашт, аха иахҭнуҵои иаҭнухуеи, сацәшәоит,
дад, изеиҩымсыр ҳәа. Уара ауадаҩрақәа урҭагылоуп. Уан
лхала ақыҭаҿы дынхеит, уадала уахьыманшәалам иахҟьаны,
уҭаацәеи уареи шәеицыҟам…
– Иаараны иҟоуп абыржәы, сырзыԥшуп…
– Шәеигымхааит.
– Абыржәы схәыҷы длыманы дшаалак, уаҳа исмышьҭыр
цоуп. Виқтор Ҭахәыц-иԥа излаиҳәо ала, иаарласны ауадақәа
сырҭар, нас… – иҟаиҵақәарц ииҭахқәоу ҳәа реиқәыԥхьаӡара
даламгеит Ҭарсхан. Ииҳәоз игәҭыхақәа наӡазшәа гәырӷьарак
наилсит. Адамыр иҟнытә иаҳауаз ҿыцын. Дыззыԥшӡамыз
ажәақәан. Игәалашәоит, рҵаҩыс дахьыҟаз ақыҭаҿынтә
ақалақь ашҟа усура даниасуаз, Виқтор Ҭахәыц-иԥа идигалаз
аус аҵыхәала диацәажәеит, ишԥаҟасҵари ҳәа диазҵааит.
«Ажәахәқәа рыҩраҿы саргьы уаасыцхраала» ҳәа, – идигалаз Адамыр ицәимӡеит. Ибзианы игәалашәоит усҟан Адамыр
ииҳәаз. «Цәгьара аланы избом. Аиҳабыра аныҟала ирыцхраауагьы ҟалароуп. Уара ма ламысла уицхраалап, цәгьара уҩрым,
цәгьак иурҳәарым». Усҟан абас акәӡами ишсоуҳәаз ҳәа Адамыр игәалаиршәарц иҭаххеит Ҭарсхан. Ихаиршҭырц иҭахызу,
мамзаргьы ихашҭҵәҟьоу, ишакәхалак, ихаҭа ианимҳәа,
Ҭарсхангьы уи дазыхнымҳәит. Уажәы ииҳәоз џьашьо, илымҳа
кыдҵа дизыӡырҩуан.
– Сара исыгхаз, – иажәа инациҵеит Адамыр, – уара иугымхан. Аԥсабара иунаҭаз, ажәҩан ашҟа даанаԥшит абри
ажәа аниҳәоз, аха аԥсабараҳәоуп акәымзар, анцәа ҳәа
иҿыҵимыршәеит. Ианҵамҭақәа рыла аилкаара мариан абри
дшазхәыцқәаз Ҭарсхан. Иара изыҳәан Адамыр даанхеит цҳак
агәҭа дықәгыланы. Уаанӡа дықәсхьан уи ацҳа. Хықәк ашҟа
диасхьан. Ашьҭахь, ихьыз, дахьнанагаз аниба, ишьҭахьҟа
дхынҳәит. Аха ацҳа абжаранӡоуп ааира ахьынӡаилшаз.
Ҭарсхан игәалашәараҿы уи убас дегьаанхеит, ишьҭахьҟагьы
дзымцо, иаԥхьаҟа уаҳа мҩа имбо, ацҳа агәҭа дықәгыланы.
Цқьа дшизыӡырҩуаз агәра анига, ииҳәарц ииҭахызгьы
цқьа, даҽазнык даназхәыц, ус нациҵеит Адамыр.
– …Сара исыхьыз, уара иумыхьын. Ишԥауасҳәари, изыҿ
сырԥшрызеи… Иаҳҳәап, ӡиаск унхықәгылеит. Иаарласны
снырны, сусқәа ҟасҵалап уҳәан, унҭалеит. Аӡис арра ус имариамхеит. Унаскьацыԥхьаӡа иаҳа-иаҳа уаланахалоит. Иум
баӡакәа, уаашьҭнаԥааит аӡиас. Уинахыс иара уатәуп. Ацашьа уҽақәыршәаны уацыӡсалароуп. Иашоуп, сара аӡәгьы
сжьаны, сыргәыбзыӷны салаимгалеит. Схала, сеигәырӷьаҵәа
сҭалеит уи аӡиас. Аха ма аибашьра ианалагаз, уаанӡагьы
ауаа андырӡуаз, ҵаны, иҟалақәаз цқьа еилыскаартә қәрала
сшыҟамызгьы, мамзаргьы аибашьра анеилга иҟалақәаҵәҟьаз
баны, аӡиас сахьалҵша сзашьҭалазгьы… Уиаахыс шьҭахьҟа
аӡхыҵрагьы, ажәа разыла сыӡбахә зларҳәаша усқәакгьы
рыҟаҵара сахьӡон…
– Ажәа разыла уҳәоу? Уара уӡбахәу? Уара, абзиара ззы
ҟалааша, уара узыҳәан аҟара ажәа хыркқәа, ажәа ԥшӡақәа…
– игәы иҭаҵәҟьамыз шиҳәоз инымԥшыр амуит Ҭарсхан. Уи еиликааит Адамыргьы. Днаиҿаԥшын, дааԥышәарччеит.
– Шаҟа рецензиа сыҩхьоузеи уара узыҳәан? – Ҭарсхан
днаиазҵаан, аҭакгьы иара иҟаиҵеит. – Ҩба. Аҩбагьы зызкыз
аҩымҭақәа кьыԥхьшьа рымам сҳәеит. – Уара умацара уакәым
уи зҳәаз… Уара ушьҭахьгьы арецензиа азыҳәан изырҭақәазгьы
ирҳәаз убри ауп. Иамуӡозар, уара иуҩыз зегьы иреиӷьуп.
Абаҩхатәра илоуп…
– Абаҩхтәра ду…
– Ааи, убасҵәҟьа ануп. Иҭабуп. Абаҩхатәра ду илоуп, аха
ииашам амҩа иқәҵоуп ибаҩхатәра, уҳәеит. Иаасыҩхьоу зегьы
чамаданк илҭаҵаны, иҵәахы ҳәа сан илысҭеит абрахь санаауаз.
– Раԥхьатәи арецензиа, исгәалашәоит, еиҳарак изызкыз
амҳаџьырцәа ирыхҳәааз уроманоуп. Уаҟа исгәамԥхазеи?
Исгәамԥха ҳәа, кьыԥхьшьа амам ҳәа зысҳәазеи? Аурысцәа
ирҿагылоит.
– Аҭырқәцәагьы. Аурысцәа реиԥш урҭгьы мпыҵхалаҩ
цәаны…
– Иашоуп, аҭырқәцәагьы, аха урҭ рыгәхьаа зкыда. Уажәы
иуасҳәоит акыр саназхәыц ашьҭахь сзызкылсыз. Сара иахьа
уажәгьы агәра ганы сыҟоуп, убри агәрагара шсымоу сынарцә
мҩа сықәлоит, уаҟа сахьхәыз џьумшьан. Ҳара иаҳзеицәаны
исыԥхьаӡоит Урыстәыла иаҿагылауа аҩымҭа аԥҵара. Аԥсуаа
ҳатрагедиа ду зыхҟьаз ҳәа иуҳәо иашагәышьоуп, аха иаҳҭаху
иаҳҭахыму ҳара уи аҩыза аиаша… Иҳахәома?
– Иҳахәо, иаҳмыхәо ҳәоума, саҭамыз, Адамыр, аиаша иша
хәаԥштәу? Аиаша иашоуп, уаҳа…
– Издыруеит, усықәшаҳаҭхом, аха мышкызны уаргьы агәра
угап аԥсҭазаараҿы ишыҟоу иҳәатәым аиашеи иҳәатәуи…
– Иҳәатәу амци?
Мап, иҳәатәу амц акәым, ус, ҿымҭ, иҳәатәым. Аха сара
сыззааирц исҭаху уиакәым. Ииашам, саргьы ииашамкәан
иҟасҵаз даҽакуп. Сыԥсҭазаара аихшьалара саналагоуп убри
схаҿы ианааи. Уара иуҩыма, даҽаӡәы иҩыма, ииҩыз иашоума, ииашамума, ажәлар ирыхәома, ирԥырхагоума, сара
сусс иалоузеи? Сара сышәҟәыҩҩызар, зҩымҭа арецензиа
азыҳәан исырҭазгьы дышәҟәыҩҩызар, нас сара суазҵаауеит,
сара изыҩуа алахьынҵа иара изиӡбарызеи, уара иуҩуагьы…
Абар, уара, абаҩхатәра ду злоу, ашәҟәыҩҩ қәыԥш, уара иуҩыз
иҭыжьтәума амца иақәҵаны ибылтәума, сара сусс иалоузеи?
Абри сазхәыцуа сҿынасхеит… Уара, акы уасҳәашан, машьынкала икьыԥхьым, ишубаз еиԥш, инапылаҩыроуп, аха сҩышьа
аԥхьара уадаҩым ҳәа сыҟоуп, иуҭахызар аԥхьараз иусҭап?
– Иҭабуп, сеигәырӷьаҵәаны саԥхьоит, аха аԥхьарҭагьы
уаҩҵас исымам. Ахьшьцәа-шәарыцаҩцәа срыцыҩноуп, уа
жәы, ма арҭ аҩымшк рыла хазы ауада уаҳҭоит рҳәеит, исуҭар,
иҭабуп ҳәа уаҳәаны саԥхьоит, – иҳәеит Ҭарсхан.
– Аԥхьара мацара акәым, угәаанагарагьы саҳар сҭахуп.
Ицәгьоума ибзиоума сыздыруам, аха издыруа убри ауп,
изыҩхьоу акы еиԥшым. Жанрлагьы, ҩышьалагьы, гәаартылагьы…
– уажәада димбацшәа, дизымдырӡозшәа Ҭарсхан днаихәаԥшит.
– Уара, сара саамышьҭахь зҷапан хымшәац асаби, иеилукааит сара абыржәы сзызкылсыз. Адырраҵәҟьа… Зынӡаск исыздыруамызт ҳәа сызҳәом, аха еиқәырхагас сара сызхәаԥшуаз
амчқәа ишбашоу уара ишудырыз еиԥш исыздыруамызт, уара
узқәымгәыӷӡо, сара агәра згон, – Ҭарсхан цқьа изеилымкааит
ииҳәарц ииҭахыз, аха уаанӡа ииҳәоз дшазыхынҳәыз анеиликаа, иажәа ажәа абахоу ҳәа илымҳа кыдҵа дизыӡырҩуан.
Амҳаџьырра иазку уроман аҿы Аԥсны еимаркит уҳәеит
ҩ-империак, османтәи аимпериеи аурыс империеи…
– Насгьы ҩ-идеологиак. Ақьырсианреи амсылманреи…
– Уажәы? Исгәалашәоит, уаҟа убасеиԥш иҳәоуп, аԥхьаҩ
иахьатәи аамҭахь ииаганы дазхәыцыр, иахьагьы аидеоло
гиақәа ҩба еимаркуеит иҳәоит.
– Ус егьыҟоуп. Урыстәылатәи абольшевикцәа ридеологиеи
Қырҭтәылатәи аменшевикцәа ридеологиеи… Иашоуп, аԥхьаҩ
бзиа убарҭ игәаланаршәоит. Уи сара изӡаӡом.
– Иуӡаӡом?
– Ааи.
– Урҿагылоуп?
– Усоуп.
– Ибзиоуп. Ус анакәха, урҭ аидеологиақәа руак – аболь
шевикцәа ридеологиа иадгылауа, уи ахьчара зырҿиара азызкыз…
– Зырҿиара зегьыҵәҟьа акәым…
– Иҭабуп. Усоуп. Зегьыҵәҟьа акәым. Аха аиҳараӡак,
зроманқәа зповестқәа уи азышәаҳәара иазку ауаҩгьы
уиҿагылоуп? Иаахтны уиҿагылам, аха урҿиамҭа уи ирҿиамҭа
иаҿагылоуп?
– Уара иудыруеит, уаҩԥсык иаҳасабала, шаҟа пату уқәысҵо.
Иуцәызӡом, сара сзыҳәан иҟоуп ҩыџьа ауаа – ашәҟәыҩҩы
Адамыр Арҭанбеи, сан ланшьа Адамыр Арҭанбеи.
– Баша уҽазушәоит урҭ реицрыхра. Аӡәы роуп урҭ, аӡәы.
Уаҩԥсык иаҳасабала ҳәа еиҳарак иузырҳәо, уаб данҭарк,
уан амаҵура данамырх, зны, уара ухаҭагьы ашкол аҿынтә
уаныԥхарҵа…
– Урҭқәа, сара исыдҳәалоу мацара рзыҳәан акәӡам. Ҳара
ҳахьухьчоз, иаҳҳәап, аиуара иҳабжьоу иунарҟаҵазааит.
Аха сара издыруеит уара зынӡаск иузымдырӡоз ауаагьы
шухьчақәахьоу, ԥаса, аамҭа аныцәгьазгьы, иара уажәгьы,
– иҳәеит Ҭарсхан. Аҿырԥштәқәагьы ааигарц далагеит, аха
иҽникылеит Адамыр иажәа ианациҵа. Игәалашәеит ҵарауҩык
иеиҳәахьаз. Ианеибадыр, иеибазырдырыз ауаҩ. «Ари Адамыр
Арҭанба иаҳәшьа лмаҭа иоуп», – аниҳәа, аҵарауаҩ «Сыхьӡ ала
уиеихырхәаны, асалам узааиҭиуеит ҳәа сызиаҳәа уаншьа ду,
– иҳәан, иеибазырдырыз изыҳәан инациҵеит, сара уи ауаҩ
иԥсы схоуп, иара илоуп сыԥсы ҭаны адәы сшықәу».
– Иҭабуп, ибзиоуп, иудыруазааит. Аха иҟоуп иузымдыруа
акы. Уаб дсыхьчарц салагама… Акгьы сылымшагәышьеит,
аха… Уан данамырх ииашамкәан иҟашәҵеит сҳәама, даҽаӡәы,
иаҳҳәап, ишакәым изныҟәаны, ари усеиԥш изышәымун
сҳәама… Схы сырҽхәап, урҭ аҿырԥштәқәа рацәоуп. Зегьы
ззыҟасҵоз, угәы ишԥаанаго?
– Ииашамкәа ишрызныҟәо ануба… Насгьы ауаҩԥсы ауаҩ
ԥсы изыҳәан, уара, агуманист…
– Иҭабуп, дад, иҭабуп. Сара зегьы ззыҟасҵоз исыхьчоз аидеологиа азыҳәаноуп, дад, исыхьчоз. Дааҳгап ҿырԥштәыс уара
уан, саҳәшьаԥҳа. Иаҳхаҳаршҭып сара дызласзыҟоу. Дызусҭада
лара? Илыхьчозеи, дзыдгылозеи? – Уи аганахьала уаргьы
иуаԥылгоит. Уара иаҳа гәшаҭарала урызнеит сҩымҭақәа лара
лаасҭа. Егьшԥауҩӡеи абарҭ рҩызцәа ҳәа… – Иумбои. Убри ауп
иҟалаз. Иҟашәҵо иашам, абри ауаҩ ус шәизымныҟәан ҳәа
аӡәыр изыҳәан исҳәазар, дсыхьчазар, изысҳәаз дзысыхьчаз
сара сбаҩхатәреи сыԥсҭазаареи ззыскыз дахәоит, даҭахуп
ҳәоуп, – цқьа азхәыцха иеираӡеит, насгьы иаҳа ихьанҭаз
ажәа иҳәарц шиҭахыз, аҳәара амҳәара ҳәа дшылакҩакуаз
ҩашьомызт. Аҵыхәтәан игәаӷьит. – Уажәшьҭа сара аказы
суазҵаауеит. Сара, агәра гаҵәҟьаны… Иуаҳау? Схазы џьара
акы ацәызгап, исыхәап, исзеиӷьхап ҳәа акәымкәа, бзиа иубаз аԥҳәыс лыгәра шуго еиԥш, схаҟара агәра гаҵәҟьаны уи
амаҵ зуази, уара, зсахьаркыратә рҿиамҭақәа уи иаҿагылоу,
арахь… Еилумкааи исҳәарц исҭахыу? Ари аусаҿы, Ҭарсхан
Ҭрамба, узшьапык хықәк аҿы игыланы, егьи ушьапы – аарцә,
ус иауӡом. Иламысроуп ҳәа исыԥхьаӡом. Ааи, ааи, агәрагьы
згон, гәыкалагьы амаҵ зуан… – Ҭарсхан, имаикышаз шимазгьы, иҳәашьа шыҟаз ибон аҟнытә ҿимҭӡеит. Ҭарсхан иаҵкыс
изеиҳәоз даҽа џьоукы ракәын. Еиҳарак иҳәон иара ихазгьы. Ихы ихьчарц иҭахын. Усҟан изеилымкааит, ашьҭахьоуп
Ҭарсхан даназхәыц. Адамыр ацхыраара даҳәон. Данцәажәоз
иҳәашьа, илеиҩеишьа, иажәақәа намыгӡакәа рҿаԥыҵәҵәашьа
(имҳәарц ииҭахыз шиамхаҳәаз анибалак), ииҳәоз аҵкыс
имҳәакәа иихәаҽуаз шиныԥшуаз уҳәа, зегьы анеидихәыцла,
ҿыц ианигәалаиршәа, Ҭарсхан еиликааит убасҟан, арҩаш
ахықәаҿы, абна еихашьшьыра иҵаланы ианнеиуаз, убри
аҽынгьы уи ибахьан, агәра игахьан ашьҭахь иҟаиҵаз хырԥашьа
шамамыз. Дахыццакуан шаҟа изацәго ацәигарц, дзыхьӡо
иҳәарц, иҩырц… Ус анакәха, игәы дҭахәыцуан Ҭарсхан, сара
уахь снеира, ҳаиқәшәара шԥаидикылеи? Хымԥада, иҩбаны,
ааи, иҩбаны. Ганкахьала дсеигәырӷьеит. Игәаласыршәаз
абзиарақәа рацәан. Ихаҭа иҳәеит саҳәшьа, уанду лцәа ухыскаауеит ҳәа. Сан, иаҳәшьаԥҳа, нас саб, маҳәҵасгьы ҩызаҵасгьы
бзиа иибоз, аибашьраҿгьы ицыҟаз. Сани саби ирыдҳәаланы
иҟаиҵахьоу абзиарақәагьы игәалашәон. Урҭқәа иара ицхраар акәын, иҳәар акәын. Аха даҽа ганкахьала, ҳаиқәшәара
иарласит иҟаиҵаз, еиҳарак, абзиара ҟасҵоз џьшьаны…
Арҩаш ахықә аҿы ҳанеиԥырҵуаз ишԥасзеилымкааи, сылабара… Наӡаӡа акәымзаргьы, арҭ амшқәа рзы, сахьибоз
зынӡаск ишиҭахымыз, ишицәыхьанҭаз. «Сара амаҵ зуан
схаҟара, бзиа избаз аԥҳәыс лаҟара зыгәра згоз. Уара?» Абарҭ
ажәақәа рышьҭахьгьы, ҩымш хымш раҟара, схаҭагьы имԥан
сықәымлар акәын… Схаҭа сахьнеизгьы азмырхакәа, ари дубома, ааи, уихәаԥш уара уоуп абри абас дҟазҵаз ҳәа ҽԥныҳәас
исҭарц сҭахызшәа, цас изызузшәа дсыманы снеит Бақьыриԥа Ҳараз. Дибарц иҭахызҭгьы, иқыҭауаа дшырцәымӷыз,
иҟаиҵозгьы шбашахаз аниба дшықәҵыз, уаҩы дахьимбо…
Цас иауазшәа, зегьы еиқәшәеит. Сара саара, Бақьыр-иԥа
Ҳараз иаагара, нас Виқтор Ҭахәыц-иԥа. Уик иааҿахиҵәеит
дызхьынҳалаз арахәыц. Акыр сзеилкаауазар, ажәакала,
исеиҳәеит иааҟасҵашаз зегьы. Ачысеишәа ааныжьны данцоз,
днаскьазгарц ашҭаҿынӡа сицны санналбаа, ихәмгеишьоз акы
иҟәицозшәа… Ажәа заҵәык. «Шәеигымхааит!» – иҳәан, наҟ
усԥырҵ ҳәа аанаго, дцеит инапы ҟьаны.
Иаԥхьаҟа иҟалақәаз данрылацәажәа ашьҭахь, Ҭарсхан
ианҵамҭақәа рҿы еиҭа дырзыхынҳәит арҩаш ахықә аҿы
иреиԥырҵшьахаз.
Виқтор Ҭахәыц-иԥа иӡбахә даналацәажәа ашьҭахь,
Ҭарсхангьы Виқтор Ҭахәыц-иԥагьы еидкылауа, ус ҿааиҭит.
– Иаргьы уаргьы ишәцәысыхьчар сҭахын сара сыԥсҭазаа
ра ззыскыз. Ишәцәысыхьчарц, ишәцәысыхьчарц! – хьчашьа
амам, башоуп сызҿу ҳәа аанаго, инапы наиҟьан, дангәамҵ
лак ишиҟазшьаз еиԥш, иҭаҷкәым раҵәаны иқьышә иадкылауа, даахәыцхәыцит. – Уажәшьҭа еиқәырхашьа амам.
Убасҟак ахаҿы еицаркит уаҩԥсы игәы ахымло. Аханатә
ишьақәдырҟьеит. Убрахь икылыргеит. Убасҟак имҩахыргеит,
аӡымлага иаҩызартәит.
– Ирԥшқацәаны иҳәоуп. Аӡымлага, иудыруоуп, аӡлагара
ианацәымыцхәха, имҩахыргеитоуп, аԥырхага ҟанамҵарц,
даҽа мҩак иқәырҵеит. Ара иҟалаз зынӡаск даҽакуп, – иҳәеит
Ҭарсхан.
– Иарбанушь даҽакы иҟалаз?
– Ишԥауасҳәари… Уаргьы иудыруеит… – ажәа имаикырц
иҭахымызт.
– Избан, изумҳәозеи?!
– Аӡы мҩахганы, амхырҭа иаҵарҵеит, ҳазлацәажәоз
аиҿырԥшра ҳхы иархәаны иаҳҳәозар.
– Уара? Узыцхыраауа Виқтор Ҭахәыц-иԥа?! Ишсоуҳәара,
шәызҿузеи шәара, ҳара аӡы мҩахганы амхырҭа иаҵаҳҵазар?
Шәара шәызҿузеи? Иаа, шәызҿузеи уҩызеи уареи?! Ари
амхырҭа усгьы аӡы иагоит, зынӡаск иганы иқәыӡәӡәааны
иагаанӡа, усгьы дегьызмаха еимырҵәоит, ҳаргьы џьықәреи
лапҟьақәак ҿаҳԥаап. Сиашоу сиашаму, иҳәа ламысла?
Ҭарсхан ииҳәара иҿамшәеит. Ари аҩыза азҵаара
машәырынгьы ихахьы имааицызт. Еиҳарак уи аҩыза
азҵаара иаҳап ҳәа дыҟамызт Адамыр иҟнытә. Иаԥхьа
дгылан иимбаӡацыз, изымдырӡоз ауаҩ. Ашьжьымҭан
инапҩымҭа аԥхьажәа данаԥхьа, насгьы аус ахьиуаз иуада
аҩнуҵҟа даныныҩнаԥшы-ааҩнаԥш мҩашьарада ибеит арҭ
аҩышықәсак ахышықәсак раахыс гәҩарас имаз шиашахаз.
Иҽеиҭеикит гәырҩас ианиоуз аахыс. Виқтор Ҭахәыц-иԥа
иажәахәқәа рыҩразы ицхраара даналагаз акәын. Еизарак
аҿы дцәажәараны дыҟан Виқта (ус акәын ишиԥхьоз аинститут ианҭаз, убасоуп, ианимаҳауа, иусураҿгьы, иппарат аҿы
аус зуа шиԥхьо), убри азыҳәан ажәақәак ҳәатәын Адамыр
Арҭанба ирҿиаразы. Арҿиаратә қәҿиара дуқәа шаадырԥшуа,
апартиеи аиҳабыреи иҟарҵо ахылаԥшра азыҳәан иҭбуп ҳәа
ҳәаны, рҩымҭа ҿыцқәа шазыркуа… Убарҭ иаарылукааша,
еиҳабу абиԥара иаҵанакуа Адамыр Арҭанба. Уи уажәы аус
адиулоит… Ихарҭәаатәын ҳәоу заҵәык ала. Аҩымҭа иахьӡу,
нас изызку. Изызку димазҵаакәа иҩыргьы ауан, еилкаан,
аха ахьӡ еиликаар акәын. Диазҵааит. Уаанӡа иара иҭыԥан
аус зуаз ишыҟарҵалоз еиԥш акәымкәа, иҩны днеины, пату
иқәҵаны. «Узласыргәырӷьо ҳәа акгьы сымам». «Ишԥа, акгьы
шәаҿымзарцу?» «Ақьаад ахь ииасымгацзаргьы, аҩра саҿуп.
Аха Виқтор Ҭахәыц-иԥа ихәо акы акәым».
Хымԥада, абыржәы дызҿу азхәыцра далагахьан убасҟан.
Уажәы ианигәалашәа убасҟантәи реицәажәара, азҵаара
ииҭазгьы дацәцарц, игәаӷьит убасҟан изымҭиз азҵаара.
– Уеизгьы, Адамыр, хшыҩҵак хадас иамоузеи уажәы узҿу
аҩымҭа?
– Ацәажәара даҽаџьара ииаугарц уҭахуп? Ибзиоуп. Сыз
уазҵааз аҭак сара исумҭеит, аха аҭак ҟаҵа ухазы. Сара уи
иуасҳәо акы заҵәыкоуп. Сара исыхьыз, Ҭарсхан, уара иумыхьын. Ухы ацәыхьчашьас иамоугьы, сара сзызкылсыз, иеилыскааз ала, уи акы, акы заҵәыкоуп иҟоу. Аӡәгьы дынцәаумтәын,
акгьы нцәоумтәын. Руаӡәк, ма руак анынцәаутә, убринахыс
уара уҟам ҳәа иԥхьаӡа, уҟам уаҩԥсык иаҳасабала. Ухы уалгеит. Абиблиаахыс ари ирҳәахьоу, ирыҩхьоу хшыҩҵакуп.
Уажәоума ианеилукаа ҳәа усхыччашт. Аха аӡәы иҳәаны
иануаҳауеи, мамзаргьы ашәҟәы аҟны уанаԥхьауеи акуп, ухаҭа
иухыганы, ухаҭа уақәшәаны, унарцә мҩа уанынхықәгыло…
Насгьы уи ахықә ашҟа унеира зырласыз иара иакәзар…
Даҽакуп, дад, даҽакӡоуп ухала уи уаназкылсуа. Ашәҟәгьы
самыԥхьацзааит, аха сааизар исмаҳауаз, ԥсаҭа шкәакәа,
саб рыцҳа бзиа иибоз ажәаԥҟа. «Саҳ, ҳәа зауҳәаз, стәы ҳәа
уеиҳәоит». Ари ажәаԥҟа зынӡаск сазымхәыццызт ҳәа уасҳәар
мцуп. Аха еснагь сазхәыцуан ауаҩы ишҟа ииаганы. Ауаҩы
ишҟа, акласстә ҵакгьы наҭаны. Усҟан уи аҵакы сахьымгәыӷӡоз
аҟара иҭбаазаап, иҵаулазаап. Саҳ ҳәа зоуҳәаз, стәы ҳәа
уеиҳәоит. Аҳкәажә аҽнышьыбжьон дандырҳәуаз, сара уи сгәы
ианахәоз, сеигәырӷьаҵәа, мҵәыжәҩада сԥыруа, убри иазкны
ажәеинраала анызҩыз, ашьҭахь, уажәраанӡа ҳазлацәажәоз
сажәабжь цәаԥҽыга «Аишәа ҭацәы» уҳәа анызҩыз, сара
исеиҳау, саҵкыс иҳаракны иԥыруа аԥсаатәгьы ыҟам анысҳәоз,
дад, нцәас акы аныҟасҵоз, сыԥхыӡгьы иалашәомызт схала,
сычча-ччо, тәыс схы аҟаҵара сшаҿыз. Иахьӡысҵаз убазар
акәхап снапҩымҭа? Афранцыз шәҟәыҩҩы ду иҩымҭа ахьӡ
еиҭарсшәа иҟаҵоуп. «Ашәышықәса аԥа-ҟьала иуахҭа». Иаҳа
иааналозар ҟаларын даҽа хьӡык… Иаҳҳәап, «Тәыс зхы ҟазҵаз
иуахҭа». Изҭахыда…
Адамыр иҵегьы иҳәақәарц шиҭахыз ҩашьомызт. Ҭарсхан
ибзианы игәалашәараҿы иаанхеит аҵыхәтәан ишиҳәаз
ажәа. «Изҭахыда…» Убри ажәоуп еиҳараӡакгьы изыхҟьаз
убри аухаҵәҟьа Адамыр ишҟа дахьнеигаз Бақьыр-иԥа
Ҳараз. Изҭахыда зыхьӡузеи?! Иара иаҟара издыруада, ажәа
шаҟа амч амоу. Абар дахьыҟоу ихҭҳәаам, романк, мамзаргьы ажәабжь аперсонаж иакәымкәа, зыԥсы ҭоу, акыр шықәса
ҳара ҳқыҭа иахагылаз, зыԥсҭазаараҿы Адамыр, ашәҟәыҩҩы
иажәа аумаӡа ирацәаны… Бақьыр-иԥа Ҳараз ҳәа иӡбахә рҳәо
дҟазҵаз… Ихаҭа, Бақьыр-иԥа ихаҭа дназгар, иҿала иеиҳәар…
Уиадагьы ашәҟәыҩҩы иперсонажи иареи реиқәшәара… Иҟан
даҽакгьы, ауха даҽазнык еиқәшәар, иааицәажәақәар зиҭахыз.
Арҩаш ахықә аҿы реиԥырҵшьа…
Ахәбатәи ахы
Имаҵура ахьӡ ашәҟәы ишҭаҩыз ала иаҳҳәозар, атурбаза «Абзагә» адиректор ихаҭыԥуаҩ-аиқәыршәаҩ, араҟа
ишырыԥхьаӡоз ала – зегьы зхагылаз, зегьы зымчыз ЗурабЗегьраб иакәын. Сасцәа дахьқәак, партиатә-еиҳабыратә
усзыҩцәақәак сҭаауеит, усзааи, урыдсыртәалар сҭахуп ҳәа
ацҳаражәҳәаҩцәа анизааишьҭ, мап аницәик, данымца, иҟасҵаз
абанӡасзеицәоу, иабанӡасзеиӷьу ҳәа ахәыцра далагеит
Бақьыр-иԥа Ҳараз. Раԥхьаӡагьы игәалашәаз, аӡын ӷыҵсшьас
иҟаиҵоз ауп, иарбану сара аконсервқәа, абрынџь, ашьаҳариа
уҳәа усабушәа изусҭара иҳәар, диашоуп. Изуҭахузеи ашыц
мҳаҵәқәа, ачаҟәақәа, ахмаҷырқәа ҟаҵаны, атуристцәа
идаархәауа, аԥара ирымухуа, афатә узаҭнымхуазар.
Ацҳаражәҳәаҩцәа анцоз, амш аҽеиҩнашахьан, имхырҭа
ҿынӡа дцаны ахынҳәра дахьымӡар ҟалон, аха аџьықәреи,
аҟәыд, акартош уҳәа, Ԥсҳәы ақыҭа акалҭ аҿы илаҵаны
имаз игәы ианыҵала, уигьы акы анахь, сшымлашьуа аҳаԥы
схәыҵаԥсуеит иҳәан, имаџьар ааимыхны инылаиҳәан, иуапа
ихаршьшьы, илабашьа наиҵарсуа амҩа днықәлеит. Ахынҳәра
сахьымӡошәа збар, уаҟа аԥсаҵла амҵан сыԥхьап, қәаршҩы
бааԥсык леир, исҭахым иҩныҟа анеира, аха иамуӡар аманах
цыркь иҿы сыԥхьап. Иугәаламшәаӡои ақыҭа саналҵуаз, сыҩны
сгәара амца ацраҵаны ианублыз, иухашҭма ҳуахәама анурбгаз ҳәа аҽԥныҳәа саиргоит ҳәа далагар, саргьы исҳәаша сымоуп. Иахьагьы димоушь даҽа манахк диҵхны иигаз аԥҳәыс?
Аныхабаа ҳарбгеит. Аныҳәарҭа рмауа ианықәҳарха, уи апап
иҩны еизо иалагеит. Ишԥа ҟаҳҵоз? Аҵхыбжьон ҳақәшәеит
инхара. Амаҭәа-ҩыҭәа акгьы рымҳамхит. Ишәзышьҭыхуа
жәга, шәақәиҭуп ҳҳәеит. Дара анца ашьҭахьоуп иҩны амца
анацраҳҵа. Ауха амҩа ишықәыз амшцәгьа рыхьӡазар, рхәыҷы
ахьҭа илалан дырцәыԥсызар, сара исхарагәышьоузеи?! Анцәа
дрымамыз ақәыршаҩы ааникыландаз, агәабзиара ииҭандаз
рхәыҷы. Уара уоуп рхәыҷы дахьырцәыӡыз зхароу, иҟауҵаз
гәнаҳароуп, ҳәа адырҩаҽны исыжәлеит анцәа дхазҵауаз.
Шаҟа имарианы иаҿаԥысҽызеи урҭ. Ибзиоуп, сшәықәшаҳаҭуп,
ҳара иҟаҳҵаз гәнаҳаразааит, аха иара шәзыдгылауа аманахцыркь ишсашәҳәара, иҟаиҵаз, даҽа манахк иԥҳәыс диҵхны
дахьигаз уи иахьӡузеи? Уи маҳагьараӡами. Уҩыза иԥҳәыс
диҵхны дицәга аҳәоума шәара шәдин? Иҟаиҵаз агәнаҳа
ихьӡеит. Абри сымҳәазҭгьы ахаҳә садыргон.
Нхыҵи-аахыҵи рыбжьара ашьхақәа рыгәҭа ишьҭоу ақыҭа
Ԥсҳәы акалҭ аҿы акәын Бақьыр-иԥа Ҳараз амхы лаҵаны,
ауҭрагьы ҟаҵаны иахьимаз. Аџьықәреи азнашәа ирашәахьан,
акартошгьы ашәҭ алнагахьан, иаҳзымдырӡо уаҩ-ҟьалак амхы
леиҵеит, ауҭра ҟаиҵеит ҳәа ақыҭа анапхгаҩцәа ианраҳаз,
иангәарҭоз аҽны иаргьы дрықәшәеит.
– Узусҭада, уаабанагеи?
Ҿимҭӡеит.
– Азин узҭада аколхоз дгьыл анкылара?
Инапқәа рыла идирбеит, сҿаҳауп, аха ишәҭаху еилыскааит
ҳәа.
Реиҳа иҷкәыназ аӡәы дынкылсын, арахә ҭеиҵарц аанда арбгара даналага, ишьамхы арсны дрыҳәеит, дматанеит
напышьашәала.
– Уаҟәыҵ, имхы арахә ирҿаҳҵар, даҽа ҳәаркьиҩык дна
цаҳҵоит ҳқыҭа, – иҳәеит еиҳа инеиҳабыз, инапқәа рыла исирбеит, ақыҭа ашҟа дымнеиларц, имхырҭа иҭигауа наҟ, абнарахь
иманы дцарц. Асеиԥш иҟаз ауаа ҟьала-ԥалақәа ирышьцылахьан урҭ. Аԥсны зегьы Асовет мчы анышьақәгылази, ашьхақәа
ирхыҵны абольшевикцәа рымчра ари ақыҭаҿы аиааира анагази жәашықәса рҟынӡа рыбжьысит. Еиқәырханы измаз анцәа
иазишаз аҳауеи амҩақәеи ракәын. Уажәы Аҟәантәи ажәҩан
аныцқьоу аҳаирплан неиуеит. Усҟан ҽылеи шьапылеи рыда неишьа амамызт. Уигьы ашьха иашьцылоу ныҟәаҩ бзиак иакәзар,
уахык акәын амҩан аԥхьара аниқәшәоз. Аԥсны агаҿаҿы
амхқәа рҭагалара ианасакьаҳәымҭоу, нхыҵгьы-аахҵгьы уаҩ
дзымцауа асы рықәҳауеит иаакәыршаны иахагылоу ашьхақәа.
Абри ауп еиҳараӡак изыбзоуроу Кавкази аурыси реибашьраан егьирахь зегьы раасҭа абраҟа иаҳа еиқәханы иахьыҟаз
ахақәиҭра, Аԥсны зегьы анрымпыҵархала, ишаҳҳәаз еиԥш,
абольшевикцәа рымчра жәашықәса рҟынӡагьы арахь иахьзымааиз, ҵаны дара ԥсҳәаа уразҵаар, аҳауеи амҩеи ракәым аха
ахақәиҭра иҳамоу абзиабароуп изыбзоуроу ҳәоуп ишырҳәауа.
Ҽырԥагьарыла иуацәажәоит, иахьа убла иабауа аамышьҭахь
иацтәи рымшқәа узымдыруазар. Ус акәымзар… Иҳәаадоу
Урыстәыла иқәбылгьаны иаауаз аграждантә еибашьра амшын еиқәа аҟәара иаақәгылеит. Абраҟа иаанҵәон Аԥсадгьыл,

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3320Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3287Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3310Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3343Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3305Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21960.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3387Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3382Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3392Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3405Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23550.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3386Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23030.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3410Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3265Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3370Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.