Latin

Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18

Süzlärneñ gomumi sanı 3341
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
– Асы дықәгыланы.
– Асы уҳәоу? Асы ара ианышьҭоу иара дабаҟаз?
– Аӡын ҩыџьа хҩык арԥарцәа ирҷаԥшьоит, ирыхьчоит.
– Излацозеи, излаауазеи?
– Џьаргьы ицаӡом. Афатә рызхара раҳҭоит. Иумбои, асы
иқәланы иныҟәон, абнанӡа асы шьҭан. Туристкак дигәа­
лашәазаарын, иҵегьы даауа ҳәа еибызҳәахьоу, заа алозунг
кыдиҵеит.
Ақәача аныҟәашьа иҭаны, иармарахьгьы иарӷьарахьгьы
дынхырхәа-аахырхәо, ибжьы ҭыганы иҳәар аӡәы иаҳауазшәа,
Ҭарсхан днаидххылан, илымҳа дынҭахәыҭхәыҭит.
– Ани, адгьыл аҿтәи анцәа ҳәа сызҿыз, афаха имоуртә,
дԥызжәаша астол анизыҟаҳҵалак, уаргьы унарыԥхьартә
иҟасҵоит. Нас уаҟа, сара, ҵарауаҩк иаҳасабала абри ауаҩ
идызбалаз ҳәа… ажәак ҩажәак сара сзыҳәан… – Как свои
своему, –иитәӡамыз цәажәашьак иҭаны инаиаҭеикит Ҭарсхан.
– «Привет, Маша» ҳәа, –акәымкәа, ма Марина ҳәа, мамзаргьы
Фатима ҳәа анызҭгьы, сара ианысҵеит ҳәа идысмырбоз.
Аҳәса рызхәыцха змоу ибаргузеи ҳәа аанаго, Ҭарсхан
днаихәаԥшын, ус ҿааиҭит Жәраб-Зегьраб.

– Убраҟа ухәнаны Марина, ма Фатима ҳәа ранҵара аҵкыс
иаҳа имариоуп, аҩыза, Маша зыхьӡу лыԥшаара,– еиҭах «маӡак»
нациҵеит, – ари ҳанцәа дшааҳԥыраҳгалак, араҟа Сергеи Фасба ҳәа хаҵа бзиак каҳԥцәақәак иманы дааны дыҟоуп, уаргьы
аӡәы дузаҳаԥшаап, арҩаш илаваршәны, аԥсҭахьы ҳцап, аԥсыӡ
ҳкып, афатә ҟаҳҵап, қьаф аауп… Сыгәра га, аҩыза, аҵарауаҩ,
адунеи аҿы иҟоу акы заҵәыкоуп – қьаф ахьынӡаузузоуп.
Иуфаз-иужәызауп, аҳәса узыцныҟәазоуп, егьи зегьы, угәы иалымсын, аха апоетцәеи, шәара аҵарауааи шәхы иҭышәҳәааит,
ҳаргьы ҳажәжьеит. Сыҩит, сыҩит! Ани умбои, – агаҿа аганахьала иҟааз анаарахь днаирԥшит. Дара ртурбаза ахьаҿагылаз
анаара уналбаауан. Арҩаш ихыз ацҳа уанықәслак, анаҩстәи
ахәаҿы, егьи ашьха иҩаҵакны, аԥсаҵлақәа ирҭалаҳа игылан
хыбрак амацара. Харантәгьы иудырыртә иҟан, арҭ, араҟатәи
аҩнқәа ирыдкыланы иугозар, уи акыр ишынеиҳаз, иаҳагьы
ишҿыцыз. Ацинк хыб акәзар, амра ахьақәԥхоз убла агәы
ԥнаҟон. – Убрахьоуп ҳанцәа дахьнеиуа, дара рзыҳәаноуп уи
аҩны зыҟаҵоу. – Ажәа «дара» ҵакыс иеиҭаз Ҭарсхан идырит.
«Дара» – ҳаамҭазтәи ҭауад-аамысҭа.
– Уажә аӡәгьы дыҩнаӡами?
– Уеилаҳаит акәу уҩналарц? Иҟоу уасҳәап, ани, ишуасҳәаз,
ажәа бзиақәа азыԥшааны, ажәақәак ансызиоуҳәа… Иаз­
ҳәақәаша азыҟаҵоуп, там все в пориадке, аха уара уажәагьы
мыцхәхом… Иара дшаацалак, уара уҩнасҵоит. Уажәу? Уажәы
амԥан уназышьҭуада? Ҩымш раахыс уаҟа, ани, Сафер Фасба ҳәа сызҿыз инцәахшақәа иманы дааны дыҩноуп, ани
ҳанцәахәы иаара иазыԥшуп. Сцеит, сцеит.
«Насыԥ змоу уаҩуп, – иҳәеит игәанала, уи дишьклаԥшуа
Ҭарсхан, – ииҭаху идыруеит, нагӡашьас иамоу идыруеит. Аӡәы
имаҵ иуазар, изхиуаауа ыҟоуп. Сара – уара узы, уара – сара
сзы. Еибаҭахуп, еилибакаауеит. Сара аӡәы иакәӡам, акы амаҵ
зуеит, иара сара исҭахым, саргьы иара саҭахым. Амаҵ зуеит
ишысцәымӷу»
Дылбааны даанаскьахьанеиԥш, реиҳа дхызхуа акоуп ҳәа
игәы иаанагазар акәхап, иқьышә инапы аԥыракуа, ҿааиҭит
Жәраб.
– Акаԥкаԥ, ихаау, акаԥкаԥ ажьгьы ҟалоит. Анҭ, узцааз
шәа­рыцаҩцәақәак ишьны иааргарц исышьҭит, – уинахыс

аиқәыԥхьаӡара далагеит рысас ду данаалак имҵарҵо акәац
хкқәа. Ибжьы Ҭарсхан иахьынӡаиаҳауаз, инацәақәа нхаршало
аҳәара даҿын. – Ашьтәа ажьы ҟалоит, ажьҵаа ҳармазеихьеит,
ақәасаб шьны иааргахьеит, аԥсыӡкыҩцәа шаанӡа ицеит
акалмаҳақәа кны иааргарц…
Ихаҭа данааз имбаӡеит, иибаз амашьына «Чаикоуп». Атурбаза амаҵуцәа зегьы аилаҩеиласра иаҿын. Ажәак акәын
зегьы ирҳәоз. «Дааит! Дааит!» Итетрад аашьҭыхны, арҩаш
ашҟоума, мамзаргьы анаара днаҿаланы, аӡәгьы дахьимбаша, ихала дахьаанхаша дцарц иҭаххеит Ҭарсхан, аха дааннакылон атурбаза амаҵуцәа реилаҩеиласшьа, ируаз ирҳәоз
ахәаԥшреи азыӡырҩреи. Ауаатәыҩса азқьышықәсақәа
раԥхьагьы ишыҟац, рҟазшьа хадақәа шрымац иаанхазар,
игәы дҭахәыцуан уи, абарҭ уажәы «анцәа» иԥыларазы иҟарҵо,
ирҳәо-ируа, џьоукы шимҵақьақьо, даҽа џьоукы нцәаҵас
акәым, игәхьаа ахьыркым, анҭ, сзыцнагалаз ахьшьцәашәарыцаҩцәа реиԥш, дшырҭахымызгьы имаҵ шыруа даҽа
џьоукых уҳәа… Абарҭқәа зегьы, Ҭарсхан Ҭрамба, уҭоурыхтә
роман ашҟа иниаугар… Иаҳҳәап, аимпериақәа ҩба Аԥсны
анеиҩырша, Аԥсуа баагәара ду ргыланы ианалга ашьҭахь,
аԥсилаа рҿы даауеит Византиа ахаҭарнак, дара рлахьынҵа
знапы иану ауаҩ… Ичысеишәа ашҟа уааи иҳәозар Жәраб.
Сзымцарызеи, аимпериа ахаҭарнак изыҳәан афатә шдырхиогьы збап. Абара мацара акәушәа иуҭаху…
Уахь, ачысеишәа ашҟа анеирагьы, ихала аанхарагьы, акы
еиԥшымхеит, усҟанҵәҟьа усҟацәак ииҭахымыз аиԥылара.
Урҭ реиԥылара, реицәажәара аҿирԥшит адгьыл ахәыҵыҵра
зҭахыз ацыхаӡы. Напык иааԥырнагар ахаҳәқәа, нас анышә
иҩхәыҵыҵны адәы инықәлоит. Иара иакәхеит убри назыгӡаз.
Еихәлачны иҟаз ацыхаӡы аҽырҳәа аҿаанахеит. Ҽнак иара
иазхеит, нас аҽырҭынчит. Адырҩаҽны иара, Ҭарсхан ихаҭагьы
иҭахын инеиқәшәар Адамыри иареи. Дзызиазҵаақәашаз
азҵаарақәагьы ирмазеихьан, аха изеиқәымшәеит. Аус ахьиуаз
аҩны азааигәара длеиҩеит. Аҩналара изымгәаӷьит. Арыцҳара
уаҵәы ианаацәылаша иҟалараны уахеиԥшгьы, аҵх шынаскьахьазгьы, иԥсы ааивигарц дындәылҵуазар ҳәа дизыԥшны,
аҩны ааигәара дниас-ааиасит. Иибаз убри ауп, аԥенџьыр

далԥшны дахьынаԥшыз изнапык анацәкьарақәа ирыбжьакны икын аҭаҭын, егьи инапала аҩра даҿын. Скылԥшуашәа
иҟалеит ԥхашьароуп иҳәан, аҩны даԥырҵуаны, Адамыр
дҩагылеит, иҽааирххеит, аԥенџьыр днадгылеит, нас ашырҳәа
даахынҳәын, еиҭа астол днадтәалеит. Аказы снауацәажәарц
сҭахын, аус ууеит, избоит, суԥырхагахеит, аха уаргьы уԥсы
ааивугап, саргьы уаха иуасҳәар иаҳа сгәы рҭынчны сыцәоит
ҳәа дныҩнашылазҭгьы, ԥыҭраамҭак истол днаԥыригазҭгьы,
издыруадаз… Урҭқәа данрызхәыцыз ашьҭахьоуп, уажәазы,
ишааиԥылаҵәҟьаз.
– Уара, дад, саҳәшьаԥҳа лыҷкәын, ажәа аеншьа иаҵанакуа
удыруеит, – иажәа дналагеит Адамыр. Аилкаара мариан ииҳәарц ииҭахыҵәҟьаз, еиқәшәарц дзызиҳәаз ашҟа
диасаанӡа даҽакы дшалацәажәоз. Еицны рҿынархеит лбааҟа,
арҩаш ашҟа. Арҭ аҩымш илеиуаз ақәа усҟак мчы змаз қәамызт,
насгьы иҩаҳаракны ашьхақәа рахь зынӡаскгьы ақәа амуазу, ашьжьымҭан маҷк иаахәашьыз арҩаш, анаҟә анықәҵуа
еиԥш, иаарласны ицқьахеит, ашьҭыбжьгьы иаҳа иҭынчхеит.
Акырҭаҿы агыгшәыг ахаҿсахьа змаз илабҷашь наиҵарсуа
днеиуан Адамыр. Ҭарсхан игәеиҭеит уи иныҟәашьаҵәҟьагьы
аҽшаԥсахыз. Иаҳа ихьанҭахеит ишьаҿақәа. – Ажәа «аеншьа»,
дад, ан лшьа аҟнытә иаауеит. Уи аҵкыс еиҳау иҟоузеи. Сахькылсуа уазхәыцырц, иухоумыршҭырц сҭахуп. Зегьы башоуп, Ҭарсхан, адунеи аҿы зегьы башоуп, ауаа еидызкыло ҳәа
иҟоу ҩба заҵәык роуп – ашьеи агәыԥҳәыхши. Шьала-дала
еизыҟоу, гәыԥҳәыхшк иааӡаз. Абри бзианы илдыруан, зыԥсы
сакәыхшаша, уанду, сара саҳәшьа. Лара лхы зқәылҵази, сара
сыԥсҭазаара зыхҭнысҵази… Ашьеи агәыԥҳәыхши еиднакыло
ауаа рзыҟаҵар, нас иахькылнагоз, изакә уааз ироуаз бзианы
ирдыруан сара сызлоу апартиа ашьаҭаркыҩцәа, убри арахәыц
абылрала изалагазгьы убри азыҳәаноуп…
– Санду рыцҳа дзықәдырӡыз… Ҭауади-аамысҭеи дрыдгылеит ҳәа…
– Иаармарианы уахәаԥшуазар, ииашаҵәҟьаны дрыдгылеит.
– Сангьы убасоуп ишылҳәо. Апартиа алалара акәым, адунеихаан партиеизаракгьы даламԥшыц, арахь акоммунистцәа
рзыҳәан акы аауҳәар луӡом. Анҭ, кьыԥхьшьа рымам ҳәа

уара иззуҳәаз снапҩымҭақәа… – иаҳаҭыр шибозгьы, агәаара
рыҵыжжуан Ҭарсхан иажәақәа. Адамыр уи гәамҭашьа имамызт. Ҿимҭӡеит. Хԥаҟа ԥшьбаҟа шықәса уажәаԥхьа акәызҭгьы,
иукьыԥхьыртә иҟам ҳәа арецензиаҿы ииҩыз аамышьҭахьгьы,
урҭ раҵкысгьы иџьбараз ажәақәа иаҳәара далагон. Уаҟа
ианысымҵеит. Адокумент шьҭасҵарц сҭахымызт. Мышкызны
уара узыҳәан, ус цәгьак аиҵаҟәаҟәараҿы рхы иадырхәар ауеит, ишубаз еиԥш, изхысҳәаазгьы цқьа иарбамкәа, кьыԥхьшьа
рымам ҳәоуп исҳәаз, аха уҿаҿы иуасҳәоит, дад, ашәҟәыҩҩы
қәыԥш, ииашам, дад, ухәыцшьа иашам. Хара ҳазцарызеи. Иубоит уареи сареи ҳахьтәоу. Иҭбааҭыцәу аквартираҿы. Ақалақь
агәҭаноуп. Аԥенџьыр аҿынтәи унаԥши? Амшын умбои? Уналбааит, амшын аҟәара унавалоит. Уӡырҩла уи зхысҳәаауа. Уара
аҭоурыхтә факультет уҭоуп. Аха, ишудыруа, аԥсуаа ҳҭоурых
шәдырҵаӡом. Сара иуасҳәоит, дад, ҳҭоурых аҟнытә епизодк.
Абольшевикцәа рпартиеи асовет мчи, – ибжьы рхәыҷны,
илымҳа инҭеиҳәеит Ҭарсхан дахьықәтәаз адиуан ашҟа дааскьан, – абри, аа, саԥхьа итәоу уара, акритика ззууа…
– Еиӷьхарц сҭахуп ауп, уаҳа акгьы…
– Излеиӷьхозеи, иара реиҳа амч ахьамоу, аԥсы ахьҭоу –
ажәлар рҿы авторитет абжьыхра иазкупе иаауҩуа зегьы…
– Усҵәҟьа иҟам, уи сақәшаҳаҭым…
– Иҟалап, ухаҭа усҵәҟьа уҳәарц игәы иҭамзаргьы, аха
сара сзыԥхьаз уҩымҭақәа ирҳәо убри ауп… Уӡырҩла. Аиаша
ануаҳауа ачҳашьа удыруаз. Баша унасмырԥшит амшын ахь.
Сара, аԥсуа шәҟәыҩҩы, сыквартира сындәылҵны, ианысҭаху
амшын аҟәара снавало, ианысҭаху саахынҳәны скабинет
сныҩнатәо, иаасыҩуа аасымԥааны иганы иҭрыжьуа… Уара
иудыруама, дад, амшын ааигәара анхара азин шрымамыз?
Ааи, ааи, агаҿаҿы инхар ҟаломызт. Зыгәра гам амилаҭ ҳәа
иԥхьаӡан. Сара суазҵаауеит, дад, саҳәшьаԥа, суазҵаауеит, дад,
ашәҟәыҩҩы қәыԥш, уи азин ырхынҳәны ирызҭада ужәлар?
Уара аҵәы злоуҵо апартиа акәӡами?
– Сара исцәымӷны акәӡам, – иҳәеит Ҭарсхан.
– Уара иухьыз сара издыруеит. Уанду дыршьит. Уи уан
иахьыналҳәоз-иахьаалҳәоз, ушыхәыҷыз санду дызшьыз ҳәа
ухы иҭашәеит, угәаҵаҿ гәаӷк ахы ныҵнахит.

– Уаҟа уиашам, Адамыр. Сан еснагь лан лыӡбахә аал­
ҳәацыԥхьаӡа, леилкаара маҷын, изҿагылатәыз дрыдгылеит,
лхала лхы ҭалырхеит ҳәоуп ишылҳәауа.
– Лара ус лҳәоит, аха уара ухатәы ԥсихологиаҿы иузгәа­
мҭаӡакәа, ашәыта наннаҵеит…
Уи ус акәзар, ирдырындаз ауаа нзырҵәоз. Арсҟаҩык иршьыз
ирыхшази урҭ ирыхшази, раншьцәа рԥацәеи, раҳәшьаԥҳацәеи
уҳәа, иахьынеибарку зегьы, ирҭахы ирҭахым рыԥсихологиаҿы
аиҭакра ҟанаҵазар, ршьа ацәымӷра аланаҵазар, уазхәыцу урҭ
шаҟаҩы ыҟоу, иахькылсуа…
– Уара уеиԥш, зхатәы гәала изацәымцауа… Уанду лтәы
шуаҳауаз, уаб итәгьы нацлеит. Ашьҭахь, асовет мчы ацәа
ахызхуа ауҳәан-сҳәанқәа ргәараҵаҩ иԥҳәыс ҳәа, ашколаҿ
лусура дамырхит уан. Урҭқәа зегьы, аиаша ҳҳәарами, уара
удунеихәаԥшышьа ианымԥшыр ауамызт. Аха уара ухәыцла
инарҭбааны. Уахәаԥш ужәлар ирзаанагаз. Амшын ахықә
аҿы рынхара атәы ҳәа иузаазгаз аҿырԥштәы иеиԥшқәоу
ахыцәхәыц аҟара ирацәоуп. Уара иудыруама, дад, ҳаԥсуа
шәҟәыҩҩра зегьы харџьымзар, ҟәрышьк алагала шанамҭо
аҳәынҭқарра? Ишәымаз ашәҟәыҩҩра, шәхарџьқәа сара садгылоит аҳәеит. Изҳәада? Абни ипартиа, – ашәҟәеиқәҵарҭаҿ
иқәгылаз апатреҭ ашҟа даанаԥшит. Убасҟан адагьы усеиԥш
ала уи ауаҩ дизымхәыццызт Ҭарсхан. Апатреҭ аҿы иарма
напы анацәаду ижилет иҭаршәны, егьи инапы иаԥхьаҟа ирхханы, ихәаԥшуаз иқәкын. Аха иара, «Ҭарсхан иакәымкәа,
Адамыр иқәкноуп ишибаз». «Иуаҳама ари ииҳәаз?» Зҵааран
ииҭаз. Аха иаҵаз азҵаара? Аичырчара.
Уажәы реицәажәараҿы урҭқәа зегьы игәалашәеит Ҭарсхан,
игәалашәеит итетрад егьаниҵеит уажәтәи реицәажәареи
иареи еиҿирԥшырц азыҳәан, аха «иугәалашәоума усҟан
иуҳәақәоз» ҳәа, – Адамыр иахьиаҳауаз акгьы имҳәеит, исҳәап,
иаҽԥнысҳәап ҳәа акырынтә иқьышә ишнықәыххызгьы.
Ашьҭахь, иҟалашаз аныҟала, уиадагьы иҵегьы иеиҳәақәарц
игәы иааҵаххқәаз аҽԥныҳәа ажәақәа, ажәа џьбарақәа акгьы ахьимҳәаз, ихы ахьникылаз, анцәа сихьчеит ҳәа ихы
иаџьишьон.
Ҭарсхан ианду, иара иаҳәшьа лыӡбахә ашҟа дхынҳәит Адамыр.

– Знык акәу џьушьома саҳәшьа дахьыснаԥхаз. Лара дызшьыз сара сахьрыдгылаз азыҳәан дыснаԥхеит знык. Усҟан
иаҳҳәап, сгаӡан. Сқәыԥшын. Ашьҭахь исыхьзеи?
– Ашьҭахь изакәи? Ухы иаҽԥнуҳәаша иумоузеи?
Арҩаш ахықә иаваланы инеиуан. Реицәажәара иара
изыҳәан усҟак аҵанамкуазшәа ҟаиҵарц иҭахызу, ахаҳәқәа
инарықәԥала-аарықәԥало аӡиас иаваз аӡыча дназыԥшын, ус
ҿааиҭит Адамыр.
– Уахәаԥш ани аӡыча иҟанаҵо? Аӡы ихыԥшыла-хыԥшыло,
ԥыҭк инаццоит, иааннакыларц аҭахушәа. Ишамуз, аӡиас шазнымкылаз, ишацәцаз анабалак, иԥырны иаахынҳәуеит. Еиҭах,
уаангыл, умцан ҳәа аӡиас инашьҭалоит. Уажәааигәа ҩбаҟа
хԥаҟа сааҭ сахәаԥшуан. Агәмырҿыӷьга. Уи иҟанаҵо ауаатәыҩса
ҳашҟа ииаугар… Изыҿурԥшрызеи? Ауаҩи аамҭеи ирыҿурԥшыр
ишԥаҟалари? Абни аӡыча ԥшӡа, аҵыс хәыҷы аӡиас ааннакылар шаҭаху еиԥш, ауаҩгьы аамҭа ааникыларц иҭахуп. Аха
иара цоит хара ҳааныжьуа… Уԥшы, ахаҳә иқәгьежьаауеит,
шәсыцхраа, шәсыцхраа аҳәоит. Ҳазлаухәагәышьозеи, уаргьы
ҳаргьы ҳамч ақәхом аамҭаӡиас аанкылара… Ҳазлацәажәоз…
– аҳәара ицәыхьанҭан акраамҭа игәы дҭахәыцуан. – Уажәы
иуасҳәо, иухауршҭыргьы, мышкызны уаԥхьап уажәы сызҿу
аҩымҭаҿы. Ухьӡи ужәлеи ааҭкааны исҳәом, аха зыӡбахә сымоу
уара шуакәу уаргьы уҩызцәагьы аилкаара шәзымариахоит.
Убраҟа исҳәоит уара уҿы сара исыгхаз, схы иаҽԥнысҳәартә,
ииашамкәан иҟасҵаз.–Ашьхақәа ирхыҩны, ажәҩангьы иаҳарц
иҭахызшәа, илабҷашь нарсны, иҩнапык ҩышьҭихын, Ҭарсхан
излаидимбалацыз ала, ибжьы ҩыҭцаны инациҵеит. – Аидеиа
ду азыҳәан!.. Ахықәкы ҳарак, ҳаракӡаӡа азыҳәан! Дабатәи
ану, дабатәи абу, аеҳәшьа ушԥалеигӡои, аеҳәшьаԥа игәхьаас
иукузеи! Изҭахыда аӡәы иԥсҭазаара! Аӡәы игәхьаа зкыда! –
ашьхақәа ирҿаҩыз ибжьы ашьшьыҳәа ҵаҟа илбааны ишаауаз еиԥш, ажәҩан иаҵаԥшуаз иблақәа, уԥхамшьаӡакәа арахь
узлааԥшуазеи ҳәа аӡәы иеиҳәазшәа, ашьшьыҳәа ҵаҟа инылбааигеит. Ҭарсхан иааицәымыӷхеит уи иԥшышьа. Дызнаԥхаз,
игәы зыхшәаз аԥҳәыс ус дызлыхәаԥшрымызт уи убри аамҭазы
адгьыл дшықәԥшуаз еиԥш. Ҩымҭак аҿы, фырхаҵак ихаҿсахьа
аарԥшраҿы уаҩы иаирхәар ҟалоит ажәҩан ӷас ишьҭызхыз

ауаҩ иара ихаҭа ӷас дшыҟанаҵаз адгьыл ҳәа игәы дынҭахәыцит
Ҭарсхан. Адамыр ишьаҿақәаҵәҟьа реихгашьа убас акәын
ишыҟаз. Иааигәалашәеит Виқтор Ҭахәыц-иԥа иахьоума, уи
иаҵкыс инеиҵоу даҽаӡәы иҿы днеиуама, урҭ ахьтәоу ахыбра амардуан даҿаланы даннеило, хаҵарԥыск адәышкәаӷьаз
дықәланы днеиуа џьушьап, убасҟак ицәеижьы изыласуп.
Арра-еибашьраҿы дшыӡражәу ҩашьом рҳәоит Адамыр
изыҳәан иныҟәашьа аӡбахә анаацәыругалак. Аҵыхәтәантәи
аҩышықәса-ахышықәсак рыла ицлеит, дхьанҭахеит акәымзар,
аибашьра еилганы аррахьтә дхынҳәижьҭеи абасҟак шықәса
шҵуазгьы, аррамаҵура мшқәак уажәаԥхьа ишьҭазҵаз афи­
царцәа угәалаиршәон. Адамыр иԥшреи, исахьеи, ины­ҟәашьеи
рзыҳәан Ҭарсхан игәалашәараҿы еиҳараӡак данаанхаз,
аԥсуа маҭәала деилаҳәаны данибазоуп. Игәы ҟаиҵарц акәым,
гәыкала ҿааиҭит. «Шаҟа иунаалаозеи, саншьа ду! Уакә сакәзар,
еснагь исшәысҵалон». Аха уи амаҭәа ишәны знык ҩынтә рыда
димбеит.
Арҩаш ахықә иаваршә, аԥсҭа еиҩыхаа иҭаланы иахьнеиуаз,
Адамыр ԥаса-ԥаса дшибақәахьази, ицәажәашьеи иныҟәашьеи
уҳәа дшидырқәози, уажәы иҽшиԥсахқәази шеиҿирԥшуаз,
Ҭарсхан ихаҿы иааит уаанӡа дыззымхәыцыз даҽакгьы. Ауаҩы
игәаҵа лашоу илашьцоу, игәырӷьауоу гәырҩала иҭәу ихаҿы
мацара, иблақәа рымацара ракәымзаап, иныҟәашьаҵәҟьагьы
ианыԥшуазаап, аҽаԥсахуазаап. Абас Адамыр дышизхәыцуаз,
Ҭарсхан уи иҽынаиҟәиҭхеит. Ажьрацәара рыбжьаӡам, зынаскгьы еибадырӡом. Дтәымуаҩуп, дызхаану шәҟәыҩҩуп. Аамҭа
аҵеи гәакьацәа дреиуоуп. Иара, Ҭарсхангьы ижәабжьыз, ироманыз акгьы имыҩӡац, кьыԥхьшьа рымам ҳәа аҭыжьырҭаҿынтә
идмырхынҳәӡац. Шьхатәылан еиқәшәеит ҩыџьа ахацәа. Убас,
шаҟа иҽынаиҟәиҭхоз Адамыр, изыӡырҩра иаҳагьы изымариахон Ҭарсхан.
Иаҳәшьа даниԥхаз уажәааигәаӡа акәушәа, ибжьы хьаала
иҭәны, ус нациҵеит Адамыр.
– Уанду, саҳәшьа ԥсаҭа шкәакәа, Шьахәсна, лҿахәы
анылҿырхуаз, аусҭҵааҩ, апровокатор, ус леиҳәеит: «Бара,
Шьахәсна Арҭанба, бынхаҩуп, иҭаҳкыз аконтрреволиуционер, ибзымдырӡои, Ачбоуп, Ачба, аҳцәа дырхылҵшьҭроуп,

ҳара ҳпартиа даӷоуп» . Аҭакс иҟалҵазеи? Угәы ишԥаанагои,
ашәҟәыҩҩы қәыԥш? «Шәпартиа дшазыҟоу, иара аҳцәа
дрыжәлоума, сара анхаҩы сиԥҳаума, урҭқәа сара исыздыруам.
Сара издыруа убри ауп, иаргьы саргьы сан лгәыԥҳәы ҳааӡеит,
гәыԥҳәыхшк еицаҳфон. Сара уи мап аницәыск, сан лгәыԥҳәыхш
снаԥхеитоуп». «Ашьра бықәырҵар ҟалоит, макьана ихьшәам,
мап ацәкы ибҳәаз» . «Аԥсҭазаара мап ацәыскып акәымзар,
сан лгәыԥҳәыхш мап сзацәкуам.» Хрушьчов ҳаблақәа рыхтра даналага, архивқәа рышҟа ҳанынарышьҭ, саҳәшьа лусаҿы
ихызҩалааит абарҭ лажәақәа. Ажәлар… Аԥхьаҩцәа, иаҳа ииашаны иуҳәозар, џьара акы раҳҳәарц азыҳәан ами ҳзыҩуа,
ашәҟәқәа зыҭҳажьуа? Сара акыр жәашықәса зҳәара саҿыз зегьы лара убарҭ лажәақәа рҿы иҳәаны даалгеит. Уи лызхәыцра
сшаҿыз, уара ушҟа снанагеит, Ҭарсхан.
– Сараҵәҟьоу? Егьааџьеишьеит Ҭарсхан. – Уаҳәшьа са­
хьыл­маҭоу азыҳәан акәхап. Убри акәхап анаԥҳара ҳәа
уанцәажәозгьы лареи сареи ҳаӡбахә еидкыланы узала­цәа­
жәаз?
– Уахьылмаҭоу азыҳәан акәӡам. Уаасзыӡырҩы. Ацензура иашьҭуама, иамышьҭуама, сара сусс алам, сара ари ауаҩ
изыҳәан ацәгьа ҩышьа сымам, ари сара саҳәшьа лмаҭа
иоуп сҳәандаз, мап скындаз, зынӡаск иҟасымҵар акәын. Иашоуп, сгәы иҭаз акгьы сымҩит уаҟа. Ихьчатәу, издгылатәу,
изқәыӡбатәу, изҿагылатәу, апублицисттә бызшәада иуҳәозар,
иаҿаԥҽтәу уҳәа, саргьы, сара сеиԥш зеиԥшу зегьы ҳзыҳәан,
ахәыцра, алакҩакра уҳәа, адунеи акгьы аҭахамызт, уеизгьы
еилкаан, зегьы дырын. Илакҩакыз, мамзаргьы, издыруада,
илакҩакыр ҟалоит ҳәа гәҩарас иааркуаз ирылгахьан, иаанхаз ҳазусҭцәадаз? – Ҭарсхан днеиҿаԥшит, – зныкыр ухы
уазҵаахьоу, сызусҭада абри сара ҳәа?
– Егьараан, – иҳәеит Ҭарсхан. – Аҭак исоуа уамак уааи­
гәырӷьаратәгьы иҟам.
– Ус акәзар, акыр усаԥысит. Сара шықәса ханҩажәижәаба
сырзааигәахо саналага, сыԥсҭазаара еихшьало сҿанаасхоуп…
Амц сҳәоит, усҟан мацара акәӡам. Иҟасҵахьоу абанӡаиашоу
ҳәа схы саназҵаа, сышнеи-шнеиуаз, уи аҽадҳәаланы
иаақәырҵеит убри азҵаарагьы – сызусҭада абри сара?

– Уара узусҭоу, иҟауҵахьоу, убиографиа, ухаҭа уакәым,
Аԥсны школхәыҷык дыҟам иззымдыруа, – иҳәеит Ҭарсхан.
Иҳәеит, изаҳауаз гәыкалаҵәҟьа иҳәоит ҳәа агәра игарц
иҽырҩашьаны. Аха Адамыр изеилымкаауа дыҟамызт урҭ
ажәақәа аӡын агәҭа иаакылԥхаз амра ишаҩызаз.
– Усеиԥш азҵаара схы ианасҭа, аҭак исоуз узамазҵаауазеи?
– Уара уҭак зысҭахузеи, Адамыр, сара издыруазар…–
иҳәа­шьа уажәы иаҳагьы ианыԥшит амра шаакылԥхаз аӡын
агәҭаҵәҟьа.
– Убри аҭак ҟасҵоит уажәы сызҿу аҩымҭаҿы. Дасу дыз­
усҭоу… Аԥсҭазаара ахаҭа закәу… Схаҭа сызусҭоу мацара
акәым, дызусҭоу ауаҩытәыҩса ихаҭа… Уи аҭак, сара рыцҳа
сакәым, Достоевскигьы изыҟамҵеит, аха сара исҳәарц исҭаху,
дыздыруазшәа сгәы сахьажьоз атәоуп… – изныланы инеиуаз амҩахәасҭа арҩаш инацәыхарахеит. Уажәы рармарахьгьы
рарӷьарахьгьы бнаран. Аԥсҭа, арха, аԥшаҳәа… Амҩахәасҭа
ҵәахуа, рымахәҭақәа еилалон ирхагылаз аҵлақәа. – Абраҟа
алеиҩеира бзиа избоит. Исзышьҭымхшаз еидарак саҵалеит,
уаҳа сылымшо саналагалак, шәиԥхьыӡс иҟоу зегьы назышьҭуа,
наҟ инкажьны сыстол, абрахь саалоит. – Аккара дыҵаԥшуа,
ус ҿааиҭит, уаанӡа дызлацәажәоз днаԥырҵны, – раԥхьаӡа
абраҟа сахьазхәыцыз акәу, сааицыԥхьаӡа схы инҭашәоит.
Уҵаԥши ари аккара, урыхәаԥши ишеидгылоу аҵлақәа? Цқьа
урыхәаԥш араҟа, нас агаҿаҟа уанылбаалак, уаҟатәи абнагьы
унылаԥш. Излеиԥшымзеи?
– Араҟа аҵлақәа иаҳа ишәпақәоуп, иаҳа идуқәоуп, иаҳҳәап,
абри ашәҵла иаҟароу аҵла уаҟа избахьаны исгәалашәом…
– Уиакәым. Аҵла шәпақәа, адуқәа уаҟагьы иуԥшаауеит.
Ишеиҿсырԥшуаз, абасеиԥш схаҿы иааит. Агаҿаҿгьы,
ҳәарада, аҵлақәа хкыла ирацәны еилаԥсоуп, аха шьхатәылан
еиԥш еижәлатәым аҵлақәа ас еизааигәаны ииуа, уимоу,
иуаҩытәыҩсаны рнапқәа еикәдыршарц рҭахушәа, еидиаауа
иубараны иҟаӡам. Урыхәаԥш, абан ашәҵла, уи аҽадырӷәӷәала
иадгылоуп амзаҵла, урҭ еишьа гәакьас ирываӷәӷәа ирывагылоуп ал, убас зегьынџьара, рымахәҭақәа реиԥш, рԥашә­
қәагьы еилысноуп ишыҟоу. Ихибашьаауам, адгьыл еимаркуам, ажәҩангьы шеицыртәу рдыруеит. Уахәаԥш, уахәаԥш

шаҟа еидыӷәӷәала еидгылоу ани ашәҵлеи аџьи! – инапы
нарықәикит ҵлақәак. Ари аҩыза башьа умаӡам агаҿаҿтәи
абнаҿы. Иҟазҵазеи, изыхҟьазеи уи? – аҭак уара ухалагьы иудыруеит ҳәа аанаго днеиҿаԥшит.
Уаанӡа ииҳәоз дазыхынҳәит Адамыр.
– Сара исызҳәом, уанду, ԥсаҭа шкәакәа саҳәшьа, урҭқәа
зегьы хыла-хшыҩла еилкааны илыман, егьарыла иссиру
аҳәынҭқарра шьақәгыларгьы, шьалеи гәыԥҳәыхшлеи еизыҟоу
ауаа анеиӷацәаха, урҭ анеицәнарӡ зегьы башоуп. Усеиԥш
аԥышәара данҭашәа, аҭак лзырҟаҵаз даҽакуп. Даҽакы,
сышқәыԥшӡаз сара сҿы еиқәыхьшәашәаз…
– Ус зуҳәазеи, иаҳҳәап, саб, уара уаҳәшьаԥҳа лхаҵа,
умаҳә дандырӡ уара уаҵкысгьы изааигәаз аҭынхацәа
ҳашҭа ианҭамлоз, уара, уаразаҵәык уакәын ҭынхас имаз,
доурышьҭырц ицхраауаз… – уажәы иҳәашьа ииашаҵәҟьаны
ааԥынразтәи мрашәахәақәан. – Ҳаҩны, ҳқыҭаҿы уаннеилоз, насгьы усыцны ашкол аҿы уаныҟаз, санухьчаз уҳәа
зегьы сгәалашәон иацы. Исгәалазыршәазгьы исыцаауаз
ахьшьцәа-шәарыцаҩцәа роуп. Урҭ ибзианы дырдыруазаап,
дугәаламшәои, иара изкны брошиуракгьы ҭужьхьеит, Бақьыриԥа Ҳараз…
– Дышԥасзымдыруеи, дышԥасзымдыруеи… Бзиара за­
ҵәык­оуп уи иԥсҭазаараҿы иҟаиҵахьоу…– иарбан бзиараз усҟан имҳәеит. – Шәқыҭаҿ саннеилоз ануҳәа, саргьы
гәалашәарак сызнарҿыхеит. Иугәаламшәои усҟан ахәыҷқәа
сызшәыҳәаз? Уаргьы исзынаушьҭқәеит, уҩызцәақәакгьы,
ажәлар рҳәамҭақәа… Уаҩы иааџьеишьартә иҟоу абзиақәагьы
алашәақәеит исзынашәышьҭқәаз рҟнытә. Ианиҵеит Адамыр Арҭанба… Акыр сыхьӡ азеиқәырхазар убарҭ… – иажәа
неимыгӡеит. Даҽа гәалашәарак ашҟа дниасит. – Исгәалашәоит,
жәиԥшь шықәса схыҵуан. Ақыҭаҿы ҳанхон. Асовет аамҭазтәи
ашәҟәыҩҩцәа зегьы аӷарцәа ирхылҵит ҳәоуп рбиографиақәа
шыҟоу, аха сара, ииашаҵәҟьаны, сзыхшаз ӷарцәан. Ҳгәылара
инхон анҭ, саҳәшьеиҳаби иареи гәыԥҳәыхш еицызфоз,
иҭаацәа аҭауадцәа Кәыҿаа. Ҟамлаҭ ихьӡын аҭаацәа реиҳабы,
Кәыҿ Ҟамлаҭ. Ишысҳәаз еиԥш, исхыҵуан жәиԥшьҟа шықәса.
Ҽнак агәырӷьара дыкны даго ашҭа дааҭалеит саб. Иуба-

зеи, иуаҳазеи, узыргәырӷьозеи? Сан лоуп иазҵаауа. Бца,
банаџьалбеит, быблала иба, анҭ, бгәыԥҳәыхш зҿабҵалоз
Кәыҿаа ирзыруа ббап, (изыхирҟьоз сыздыруам, ицәымӷын
урҭ саб) арахь ирҿырхит ираҳҭахьоу… Ирзыруазеи? Ирзызуада? Акомҿар рҭаазаап. Ирҭахузеи? Имыцхәны ирымоу
амал рымырхуеит. Сара сыҩны сцеит сыблала избарц. Уаӷоу
иибаша! Уажәоуп ус анысҳәо. Усҟан… Саргьы санбарыдыркыло ҳәа сызхәаԥшуаз акомҿараа… Анцәа иоуп, уи инапоуп
иҟарҵо дзырҟаҵо… Ус акәын. Акьыԥхь ианылаз раԥхьаӡатәи
сажәеинраалагьы зхысҳәааз убасҟан избазоуп. Иахьагьы
сыбла дыхгылоуп, лыԥсаҭа бзиахааит, аҳкәажә ҳәа зарҳәоз,
Ҟамлаҭ иԥҳәыс Ҳауида, ркәаскьа абарҵа дықәгылоуп,
ҿымҭ-ԥсымшьҭ лылабжышқәа лӡамҩақәа ирхьыхәхәы
ицоит, лнацәкьарақәа ирхаз амацәазқәа намӷылхуеит,
ллымҳарыҩқәа намылхуеит, инадлыркуеит арҭ, акомҿараа,
рыцҳа, цас иҟалҵазу, лыхәда ахыхра цәгьаҵәҟьазу сыздыруам, лыхәдахаҵа ахыхра дадхалеит. Ихьтәын, иҩежьӡа ицырцыруан. Дламҵасны дахеит арԥыск. Ахәыҷы иибо иаҳауа
ихашҭӡом рҳәоит. Зынӡагьы схәыҷӡамызт, аха сыбла иххалеит. Ахәдахаҵа, ахьтәы даҷ еиҿаԥса, аҳкәажә лхы ашьҭахь
лыхәдаҿы лыхцәы иаҿаԥеит. Гәаҟ рыцҳа, лыхәда иахылхырц
лҭахуп лхаҭагьы, лхы лалырҟәуеит, днаҳәы-ааҳәуеит, лнапқәа
ахьықыџьқыџьуаз азыҳәан акәхап, адаҷ ахьеиҿаршәу
илзеиҿыршәом, илызԥыртлом. «Нан, нан, сукәыхшоуп, иԥыртла
уара унапала, ишәҭаху жәга, акгьы аанышәмыжьын, ахәыҷқәа
заҵәык шәрыламкьысын», – лҳәоит. Дшызбоз лшьамхқәа
ҩалырсит. Аҽы ашьамхы аҵаҟәалар, абгасса шажәло еиԥш,
иҩалхеибаҳәан, хьы маҭәа ҳәа акыр лцәа иадзар зегьы аалымырхит. «Шәанаџьалбеит, ламыс анцәа ишәимҭааит, напеимдахьас илысҭаз амацәаз ма илзыншәыжь», – иҳәагәышьеит
аҭауад Кәыҿ Ҟамлаҭ. Убригьы иҳәеит, рызегьы ртапанчақәа
ирыхеит. Аҳкәажә лхаҵа дихьынҳалеит акгьы роумҳәан, ирымазааит, ҳара ҳаигымхааит изаҳҭахузеи ахьы лҳәеит.
– Саҭаумҵан, исгәалашәеит… Уроман «Амра иацгылаз»
аҟны абыржәы иуҳәаз…
– Иашоуп, схы иасырхәеит уаҟа.
– Аха уажәы ишуҳәази, иахьынӡасгәалашәо ала, уаҟа

ишуҩызи… Ашкол санҭаз, ҵаны, иарбан классу сгәалашәом,
акласс анҭыҵтәи аԥхьаразы арҵаҩы иҳадылҵақәаз ируакын
убри ароман… Ҳакласс аҿгьы зны аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи
еимаркит, сара саҳкәажәны, ахьы маҭәа снапқәа ирхазар,
сыхәда иахазар, лымҳарыҩқәас исымазар, шәара шәнеины
исымышәхрызу ҳәа ҿаалҭит ҳҩыза ӡӷаб хәыҷык. Исгәалашәеит,
исгәалашәеит… Уи ҳакласс аҿы аимак ду алҵит. Џьоукы
ибымаҳхуан рҳәеит, даҽа џьоукы мап рҳәеит. Ибымаҳхуеит
зҳәаз излымырхуазеи? Бара бџьабаала ибмырҳаит, анхацәа
рыхәда бықәтәан, ршьа бжәуан, ицәбырҳәуан, уажәы ҳәатәыс
ибымоузеи, рҳәрала ибырҳаз бымхтәуп рҳәеит. Даҽа џьоукы,
ҳара ҳрицарцәоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡоз, ишлырҳазаалак, лара
илтәуп, уара ухаҵазар, аԥҳәыс дышԥаурҳәуеи рҳәеит. Урҭ
убас ирықәпапеит, рхы агарҭа рмоуа иҟарҵеит. – Арҵаҩы
иахылҳәаазеи? – изымдыруазшәа дназҵааит Адамыр. Аҭакгьы
ихала иҟаиҵеит. Ҳәарада, арҵаҩы дадгылеит автор ипозициа. Автор иҩуеит гәахәас иҟаҵаны аҳкәажә дахьдырҳәуаз.
Ажәа «арҳәра» уаҟа, ишудыруа, иҟам «Анхацәа рыԥхӡашала
икәабаз ахьы, сызтәу рышҟа схынҳәуеит аҳәозшәа, игәырӷьагәырӷьо, ахьхьаҳәа еилаԥсо, иуҿаԥха-ҿаччон», – даҿын,
артистк даԥхьозшәа, ибжьы ԥсахны Адамыр. – Иумбои,
убри аҭыԥ ҿырҳәалагьы исгәалашәоит, избанзар убасҟак
исгәаԥхон убасҟан. Уӡырҩла, уаҟа инымҵәаӡеит аҳкәажә
лырҳәра атәы. Усҟанҵәҟьа ажәеинраала зҩит. Араионтә
газеҭ аҿы иркьыԥхьит. Ашьҭахь ароман анысыҩуазгьы
схы иасырхәеит. Сара стәала, уаҟа ҳаиԥырҵит аҳкәажә
лыхәдахаҵа ахьтәы даҷи сареи. Аха иара, ахьтәы даҷ,
исԥырымҵӡакәа исышьҭазаарын. Лхы ашьҭахь лыхцәи адаҷи
анеилаԥаҭа, лыхцәқәа ыҵыжәжәаны лыхәда иахихырц иаҿыз,
реиҳа иактивистыз комҿар арԥыск (неихыркәа имамкәа
дажәхьеит, аха иахьагьы иԥсы ҭоуп, ҳҭыԥаҿы дынхоит, ихьӡ
зуҭахузеи, ихьӡ ыцәо анцәа иуирбааит!), сгәалашәараҿы даанхеит. Аамҭа акыр набжьысит. Аибашьра сагеит, сырхәит, агоспиталь аҿы сышьҭан, аха џьаргьы исгәаламшәеит абри атәы.
Аибашьра еилган, схынҳәит. Ақалақь аҿы сынхоит. Ҽнак, бзиарак аҵыхәала, ҳқыҭахь цатәыс исықәшәеит. Чаран. Аҳкәажә
лыхәда ахьтәы даҷ ахызхуаз игәылараҵәҟьа акәын. Ишубац

еиԥш, агәылацәа аҳәса, ахацәа амаҵ руеит. Сара, аиашазы,
ихы сгәалаимыршәазҭгьы, дсыздырӡомызт, дысхашҭхьан уи
акомҿар активист. Аха иара сидырит. Сыӡбахәқәа ахьынарҳәааарҳәоз сиханамыршҭызаап. Ҳашулаҽхәо егьиуа ҳәа, имцызаргьы, ҳгәы иахәаны ҳаззыӡырҩло ажәақәак саҳәара
дшаҿыз, ԥҳәыск дааҳавалеит, гәаблаа дук лкуп. Акәытқәа
ӡны иануп. Ԥхынроуп, аҵкы илшәыз ахәда ҭыхын. Дшамшамуа, лцәа-лжьы ҭҭәааӡа, лӡамҩақәа ҭыҵәраауа, лара ԥҳәыс
наӡааӡак, лыблақәа изларҳәо ала, ԥҳәыс разык лоуп.
– Адамыр, уххь згеит, абри аԥҳәыс илоуҳәар сҭахуп уа­
реи сареи ҳшеибадыруа, аԥсшәа шаҳзеилоу, уимоу, ҳаны­
ҷкәынцәаз, акомҿарра ҳаналаз ҳшеицныҟәахьазгьы, –иҳәан
ҿааиҭит аԥҳәыс данааҳавала. – Ҳшеицныҟәақәахьаз ҳәа
иациҵаз зхиҳәааз здырит. Аҳкәажә дандырҳәуаз саргьы
исгәалашәоит.
– Шьакаҭәарала еиқәҳархаз… – игәалашәамашь арҭ ажәа­
қәа ахьынтәаазгаз ҳәа Адамыр днаиҿаԥшит Ҭарсхан. Усҟан
ашкол дҭан. Хәба рҿы дтәан. Агазеҭ аҿы даԥхьеит, даҟьак шеибгаз ианыз аочерк. Адамыр Арҭанба иҩымҭа. Ахьӡ аҿы ианын
ажәақәа ҩба. «Шьакаҭәарала еиқәҳархаз…» Иахьаанҵәоз,
аҳәоу инаԥшьны, аха иаҳа идуу нбанла ианын даҽа
ҩажәак. «Ԥхӡашала иҳаршәҭыкакаҷып…» – Ирԥшӡацәаны
иҳәаз ажәақәа, амцхә асақәи аҵәаԥшьи зҿызшьыз аԥҳәыс
илҩызазтәыз, наҟ иаамхқәаны, ирыцқьазар, ахшыҩҵак хада
иахьагьы мап ацәыскуам, – иҳәеит Адамыр. Уи зуҭахузеи.
Ишуасҳәаз еиԥш, убасҟан, ачараҿ активист лыхәда иахаз ахьтәы даҷ сыбла иаахгылеит, гәалашәарак нцәырҟьан
инеиқәыцәеит аҟароуп, исхашҭны сшыҟаз, уажәы, Абӷагә
ашьхаҿы сыԥсҭазаара еихшьало, ани, иубаз аҩымҭа сшаҿыз,
сара сухашҭма лҳәозшәа, аҳкәажәгьы сыбла даахгылеит,
ақтивист иԥҳәысгьы даацәырҵит. Аӡәы лӡамҩақәа алабжыш
рхьыҳәҳәы адаҷ лыхәда ахыхра даҿуп, егьи лгәашԥаҿы
ахьхьаҳәа инеилаԥсо, адаҷ далахәмаруеит, далаҽхәошәа. –
Сара, исгәалашәоит, даараӡа исгәаԥхон аочерк «Шьакаҭәарала
еиқәҳархаз…» ҳәа, – иалаго. Нас, Адамыр, усҟан исгәаԥхаз
даҽа ажәабжьк шәымоуп, – ажәа «усҟан» иаҭыԥымкәа
ишиамхаҳәаз гәеиҭеит, аха исамхаҳәазаргьы ииашаны

исамхаҳәеит иҳәан, дазыхынҳәит, – ахьӡ, саҭашәымҵан
исхашҭит, асиужет шәгәаласыршәап. Аибашьра амца акуп.
Абаталион аӷацәа рыкәшеит. Зегьы ҭахеит. Ҩыџьа заҵәык
аанхеит аҭабиаҿы. Руаӡәк ҳаиасып ҳаӷацәа рахь, баша амала
ҳҭахоит иҳәоит. Егьи иуам.
– Уаԥсҵәык анышә ааникылоит инапаҿы… – инациҵеит
Адамыр, – сара абри сзынаԥхом иҳәеит. Уаҟа ишану
угәалашәоит. Аԥсадгьыл зыԥсахуази изыхьчози рабџьарқәа
харшала еиҿагылеит. Убри аамҭазы иаархалаз аӷа иҳаирплан
аҩыџьегьы ашьит. Усоуп ажәабжь шынҵәо. Иугәаламшәои?
Ишыҟалаҵәҟьаз уасҳәап? Абаталион аӷа дшакәшаз, зегьы
шҭахаз, ҩыџьа аҭабиаҿы ишаанхаз, руаӡәк аӷацәа рышҟа
ҳаиасып ҳәа шиҳәаз, урҭқәа иашоуп, иҟалаҵәҟьазоуп. Егьирахь иӡбоуп. Иҟалаҵәҟьаз… Изыхьыз сара схаҭа соуп.
Ишы­ҟалаҵәҟьаз, абыржәы уара иуасҳәоит ада, уаҩԥсы
иасымҳәац. Ҳцап, ҳаиасып наҟ, баша ҳҭахоит иҳәеит. Исымуит. Ҳаиҿанагалеит. Автомат анаахаиршалоз, сара схысит.
– Убиографиаҿы џьаргьы самыԥхьац…
– Иуасымҳәеи, уаҩԥсы иасымҳәац, егьызымҩыцызт… Сахьиашаз, сахьиашамыз, цәгьарас бзиарас иҟасҵахьоу ҳәа,
уажәы, сыԥсҭазаара аихшьалара саналага, иџьоушьашт, аха
сызхьымхәқәаз ируакуп убри, ауаҩԥсы дышьны сахьцаз.
Ҳахьҭатәаз аҭабиаҿ даанхеит, сара хаҵарала сҳәар узжьеит,
машәыршәа сыԥсы еиқәхеит. Саналагах, Ҭарсхан, инагӡаны
иуасҳәап. Уажәааигәа сазхәыцуан убасҟан иҟасҵаз. Иарбану,
сынхысуаз аамҭазы, атапанча иаҵхаз. Аԥсадгьыл ашҟа абзиабара акәу, ахеиқәырхара акәу?
– Аҩбагьы еилазар амуӡои?
– Уи бзианы иуҳәеит. Сазымхәыццызт. Егьиашаҵәҟьаны,
изыҟамлозеи сыхгьы еиқәсырхон, сыԥсадгьылгьы уҳәар?
Аха абас уҳәар ауазар, сара исыхьыз аҿы, аԥхьа иргылатәуп
ахеиқәырхара. Автомат ахы сегьынҭаԥшит, зегьы схашҭит,
схысны саналгоуп сыхдырраҿы санааи. Сыгәра га,
афырхаҵара дуқәа ҟазҵо, бжеиҳараҩык, убри ауп ирыхьуа. Уажәшьҭа усзыӡырҩла, ари зуасҳәаз, сыззааирц
исҭахыу. Схы еиқәсырхозма, сыԥсадгьыл хәшьадра азызурц
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3320
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2205
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3310
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2272
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2122
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2196
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2230
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3382
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2251
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2291
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2329
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2206
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3370
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2247
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45
    Süzlärneñ gomumi sanı 2585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744