Latin

Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17

Süzlärneñ gomumi sanı 3387
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
уара уҩашьоит, абаҩхатәра бзиа умоуп, аха амҩа иаша иқәӡам
ҳәа. Иуцәызӡом, шьыцра бзиала сахьуҵашьыцуазгьы ыҟан.
Уҳәоуқәа ԥсыла-ԥсылаӡа, зыӡбахә уҳәо ауаа рхҿсахьақәа
ҭырҭәааны, снапы ааиҵысхыр снарыхькьысып уҳәартә… Ах,
абасеиԥш абаҩхатәра змоу арԥыс, ибаҩхатәра амҩа иаша
иқәҵазар… Анцәа сихьчеит, џьаргьы исымҩит уара узыҳәан,
аха сзызхәыцҵәҟьоз уасҳәап… Дшыхәыҷыз игәы ахәрақәа
анырҵеит. Иаб ддырӡит, иан аусура дамырхит… Урҭқәа зегьы иныԥшит. Убарҭ агәалақәа раҵкыс дзаиааизҭгьы, иара
ишихатәу, иан гәакьа ишылҩызоу агәра игазҭгьы ҳаамҭа,
ҳлитература ҵәатәы шьаҟаны дааҵагылон ҳәа…
– Алым акәу, абжьас акәу, ари зхаҿсахьа ауҭаз? – Адамыр
илабҷашь ашҟа ацәажәара ниаигеит Ҭарсхан. Уи иҭахымызт
Адамыр ицәыригаз аус алацәажәара. Инапҩымҭақәа
рзыҳәан «уажәы ишыҟоу ала кьыԥхьшьа рымам» ҳәа. Ада-

мыр имҩыргьы даҽаӡәы ишиҩуаз идыруан, ианамуӡах,
ари иахьиҩыз иаҳа еиӷьын, ма иҩит иаарԥшӡаны, аха зегьакоуп…– Ушәҟәыҩҩымхазҭгьы, хымԥада ускульпторхон,
–ишахирҟьацәаз ибеит, сихыччазшәа еилимкаандаз ҳәа
иааицәымыӷхеит, аха ииҳәаз иҳәахьан.
– Сара сакәӡам ари ҟазҵаз. – Илаба нарҳәы-аарҳәуа
днахәаԥш-аахәаԥшит. Еиликааит уаанӡа дызлацәажәоз уаҳа
алацәажәара шиҭахымыз Ҭарсхан. – Ари аҭоурых змоу лабоуп. Нхаҩ бзиак, хьчак иҟаҵамҭоуп. Абни ашьха унхаланы
уахьаанаскьо иԥсаса иманы дтәоуп. Сааит ҳәа шааиаҳалак,
есышықәса сыхьӡ ала абри шьны иф ҳәа шьтәак, ма қыжәк
сзааигоит. Сынтәагьы убас дансҭаа, абри алаба икын, иааимхны сахьнахәаԥшыз, иугәаԥхазшәа збоит, иусымҭар зуам
иҳәеит.
– Иумбои, ахьча, аҩыратә культура иацәыхароу ауаҩ,
ҳашә­ҟәыҩҩы ҳәа… Уи уаҩ ианаҳәо рацәоуп.
– Ашәҟәыҩҩы қәыԥш, дад дукәыхшоуп, уаргьы саргьы ус ҳанаҳәар ҳҭахуп ауп иҟалаз. Абри дышәҟәыҩҩуп,
дшьаҭамырӡгоуп, дҿахәҳәаҩуп, зыда ԥсыхәа ҳамам дреиуоуп
ҳәа… Башоуп, дад дукәыхшоуп. Хжьароуп ҳазҿу. Сара изҩыз
азыҳәа акәым изысҳәо. Аҭахызар Дырмит иаҵкысгьы уеиҳаз.
Ҵеи дызхылымҵыц аԥҳәыс анра ԥара иацу агәыбылра
шылзымдыруа еиԥш, аҩыратә культура закәу, иаҵанакуа…
Аҳәара иаԥсам! Уиаҵкыс ҳалацәажәап абри алаба аҭоурых.
Схәы зааиго нас еилукаап. Сталин ишәымихыз азинқәа
сара ишәысҭоит, шәсыркьаҭоит иҳәан Хрушьчов, шаҟа
рҭаху арахә ранҵара азин риҭеит азнык азыҳәан. Ашьҭахь,
иугәалашәозар, арахә ранҵара аганахьала Сталин икәал
дынҭагылеит. Жәохә-хы аԥсасеи х-хык ашьамаҟеи роуп
шәызқәиҭу иҳәеит. Еиҭах ажәбоурақәа, аџьмаҭрақәа реимдара иналагеит. Ахаан дсымбац, дсыздыруам, нхаҩык днеит
аҩны. Аброума ашәҟәыҩҩы Адамыр Арҭанба дахьынхо? Ааи,
аброуп, сара соуп. Анхаҩы, инапсыргәыҵала мацара акәым,
снаихәаԥшыр, дшынхаҩу игылашьала мацарагьы дыздыруеит. Ари ауаҩ дынхаҩуп, дегьынхаҩ бзиоуп аасгәахәт. Уаазгазеи? Узусҭада? Ашә дахьаахыҵыз, ишьамхы ҩаирсит. Аԥсуа,
насгьы анхаҩы изыҳәан ишьамхы арсны агылара закәу уды-

руеит. Иухьзеи, ус шԥаҟауҵо?! Сукәыхшоуп, уаԥхьа аԥсра
анцәа исиҭааит, сеиқәырха, схәыҷқәа, сабицәақәак амла
исцәумшьын, ҳшынҭаацәоу унапы ҳануп ҳәа дматанеиуеит. Хымш раахыс Аҟәа далазаап, дахьнеилак дрыдыркылом,
ашәҟәқәа алаиҵан, акгьы алҵуам. Уара аӡәыр духәозар, абри
ауаҩ иҿы уца ҳәа сыӡбахә иеиҳәазаап. Сахьынхоз иԥшааит.
Исеиҳәаз ажәақәа зегьы зуҭахузеи. Дҩасыргылеит. Иҟалаз,
ихьыз уасымҳәои. Сталин ихаан изқәиҭыз рдыруан. Адгьыл
шаҟа рыҵаркуа, арахә шаҟа хы ранҵара азин рымоу, апаспорт аиура ишақәиҭым, аусура ианцаша, ианааша. Ажәак ала,
арратә режимк иашьцылахьан гәаҟқәа. Хрушьчов шәаргьы
шәуаауп, арахәгьы шаҟа шәҭаху анышәҵа, ишәҭахызар апаспортгьы шьҭышәх аниҳәа, иасны арахә анырҵеит, адгьылқәа
ныркылеит. «Ииҳәаз ажәоуп узызхәыцша. Сталин ихаан
еиԥш еиҭа ҳшыҟалоз здыруазҭгьы, уахь ҳдырхынҳәуеит
ҳәа сгәы иаанагозҭгьы, исыхшозма ахәыҷқәа, изысҭахыз,
ишсызныҟәымгоз, ишысзынмырхоз здыруан, уажәы шәынхашәынҵы, арахә шаҟа шәҭаху ранҵара шәақәиҭуп анырҳәа,
сара, агаӡажә, раԥхьа арахә-ашәахә ракәу џьушьома,
банаџьалбеит, сҭакәажә, ҳаҿиар зҭаху аамҭак ааит, амлеи
ахьҭеи шәыдсыркуам, даҽа хҩык раҟара ҵеицәақәак быхшароуп сҳәеит. Хәба фба шықәса рыла, уаанӡа исымаз ахшара
даҽа хҩык нарыцлҵеит сыԥҳәыс, сырахәгьы ҩыџьа ракәым,
ԥаса хҩык анхацәа ирымаз аҟара инасцеит. Сынхар сҭахуп,
уара! Сыҿиар сҭахуп, уара!» –дыҳәҳәон уи ауаҩ, ихоуҵару,
аҳәса реиԥш илабжышқәа хаҟәҟәалоит. Уажәшьҭа, иҳәеит
уи, ишԥаҟасҵо?! Асҟак аԥсаса урықәиҭым, инухроуп рҳәеит,
асҟак ашьамаҟа ануҵар ҟалом рҳәеит. Удгьыл иацҵаны иукит
рҳәеит. Сталин ихаан еиԥшҵәҟьа, ажәбоурақәа, аџьмаҭрақәа
ирҭаланы арахә рыԥхьаӡара иалагеит. Рныхра акыр аҭахума,
иҟәаҟәангьы ишьҭасҵап, уажә иаабама, аколлеқтивизациа ианалагоз, саб рыцҳа излеиҳәоз ала, иабгьы иаргьы, ҵаны, ашьра рзымгәаӷьит, рнапқәа хырыҵәҵәар иаҩызахеит, аха иаалаган, имцхәны ирымаз иԥсасаз ишьамаҟаз зегьы аԥсҭахьы
иганы иоурышьҭит. Рныхра акыр аҭахума, ухьышьаргәыҵа
сакәыхшоуп… Абасҵәҟьа иҳәон. «Ухьышьаргәыҵа сакәых­
шоуп! Иабазгои арҭ амыждараз исыхшаз, ирҿасҵозеи,

изланы­ҟәызгозеи? – Дааҭгылан, ихазы ишиҳәоз мҩашьо,
гәҭахәыцрала инациҵеит. –Убри анхаҩы данысҭааз адагьы
сазымхәыцызт. Дааҟәымҵӡакәа еидиҳәалон, ирахә рныхреи
ихшара рхыԥхьаӡара азырҳареи. Азнык азыҳәан сегьарччеит, аха ашьҭахь саназхәыц, ииашаҵәҟьаны урҭ еидҳәалоуп.
Арахә рацәаны имамкәа ахшара рацәа иоурц иҭаххом
анхаҩы, ирҿеиҵозеи, изланыҟәигозеи ихәыҷқәа. Уи ахшара рацәаны имазарц аганахьала. Аха дара арахә? Урҭгьы
рацәаны изанҵаӡом ахшара рацәаны имамкәа. Изызбода?
Ицхраауада?
Уи аҩыза аамҭа уажәгьы иҟоушәа, ирҿыцны ихьаагауа, иажәа намыгӡакәа, даамҩахыҵын, аԥсаҵла изқәа ад­
ҵаны, ашьапаҿы днатәеит Адамыр. Ҭарсхан игәы ҵшьаауа
амла дакуан, шьыжьхьа афара ааигәаахон, аха Адамыр
изыӡырҩрагьы даргәаҟуан, избанзар ари ауаҩ иҟнытә иаҳа­
уан дыззыԥшӡақәамыз.
Иажәа инациҵеит.
– Уажәааигәа, сгәалашәара-уасиаҭ аҩра саналага, убри
анхаҩгьы даасгәалашәеит. Зынӡаск даҽакала иаргьы, саргьы сыхгьы сназхәыцит. Ишьамхы арсны, ухьышьаргәыҵа
сакәыхшоуп ҳәа саԥхьа дгылоуп, нцәаҵас дсашьапкуа, арахь
ацәгьара изызуз, ишьамхы азырсыз рыгәҭаҵәҟьа срылагылоуп саргьы, ааи, сара схаҭагьы.
– Усҵәҟьа акәым, џьоушьҭ… иааицәымӷхеит, дегьаарыц­
ҳаишьеит Ҭарсхан. Зны дизгәаауан, ҽазны гәыблрала диз­
хәыцуан, аха уи изыҳәан абыржәада арыцҳашьара изцәы­
рымҵыцызт. Еидара хьанҭак даҵаханы, дицхраарц, иеидара
даҵихырц иҭахны днаихәаԥшит. Издыруамызт ицхраашьас,
иеидара иаҵхшьас иҟаз.
– Иџьоушьеит акәу? Ани, ихьӡузеи, Виқтор Ҭахәыц-иԥа,
уара узыцхыраауа. Ус ахьысҳәаз угәы иалымсааит? Уажәоуп
уара урҭ русқәа уҽанрылаурхә рыцхраара уаналага, сара
сҽанрыласырхәыз, рыцхраара саналагаз, уаргьы, Виқтор
Ҭахәыц-иԥагьы зынӡаск шәмиӡацызт. Уара уи иажәахәқәа
изыҩра уалагеижьҭеи, игәаҭаны исымоуп, жәахәык дахьааԥ­
хьалак, сара сыӡбахә алаимҵар ҟалаӡом. Иара иаанӡа
иҭыԥаҿы иҟақәазгьы сыхьӡ иавсуамызт, аха иҳәашьа зынӡаск

даҽакуп. Иажәахә саназыӡырҩлак, мамзаргьы санаԥхьалак,
иаразнак издыруеит изызҩыз уара шуакәу. Уара ишуҩыз
саназхәыцлак, ҽԥныҳәаҵасоуп ишсаҳауа…
– Иауазеи, насгьы узыԥсам ҳәа акгьы ҳәамызт…
– Ҽԥныҳәаҵас, ҽԥныҳәаҵас… Уара, Адамыр Арҭанба, сара
изыҩуа акгьы удукылом, изыҩуа рымҩа укуеит, аха сара уара
узыҳәан… Ус акәу? Уаӷа чысла дшьы?
– Сара уара ӷас усыԥхьаӡом. Изыҩуа ацензура иамы­
шьҭуазар, уара иухарагәышьоузеи! Уара, ианамуӡах, иаҳа
ирԥшқаны иуҳәеит. Уимоу, сегьурҽхәеит. Абаҩхатәра имоуп,
ашәҟәыҩҩра анцәа дазишеит… Зеиӷьашьара заҵәык, убри
абаҩхатәра ииашоу амҩа иқәҵазар…
Илабҷашь наиҵарсны дҩагылеит Адамыр. Еизарак аҿы
дықәгыланы, зегьы ираҳарц иҭахызшәа, ибжьы ҩҭганы:
– Рыцҳарас иҟалаз уиакәӡам, дад дукәыхшоуп, ацензура
акәӡам! Рыцҳарас иҟалаз сара схаҭа агәра ганы сыҟан иуҩуа
иашам, иуҳәо иашам, ихьчатәу ухьчом ҳәа. – Игәы аԥсы аиршьоу, иаҳа иҽааирҭынчын, уаанӡа ииҳәоз ажәа иациҵон. –
Саҳәшьа дшыснаԥхахьаз еиԥш, абри, исзымдырӡоз, исымбацыз анхаҩы дыснаԥхахьаны, даазықәшәаз, ацәгьара изыруз
зегьы саргьы салахәны схы збеит.
– Ус уалагар, Адамыр, Сталин иҟаиҵазгьы, Брежнев иҟаи­
ҵазгьы, уи, узлацәажәо Хрушьчов изиузгьы, зегьы рҿы асовет
уаа зегьы алахәуп. Ҳазегьы ҳаилахәуп.
– Уиаахыс иҵхьоузеи! Сара исхашҭхьан. Абра дыҟоуп ҳәа
иаҳазаап. Аӡәы уиҭахуп рҳәеит. Дысзымдырӡеит. Ихҭарԥа
ырқьақьаны ихоуп. Ауапа еикәарҳәны, иҿаҳәаны изқәа икыдуп. Шәақьк ижәҩа ихшьуп. Аԥса цырцыруа лабашьакгьы
икуп. Ацәажәара даналагоуп даныздыр. Абар, сырахәгьы
схәыҷқәагьы сеиқәырха ҳәа ишьамхы арсны саԥхьа игылаз анхаҩы… Иуасымҳәаӡеит усҟан иус шаҳаӡбаз. Аҩызцәа
снарацәажәап, хымшҟа рышьҭахь уаа сҳәан дсышьҭит. Усгьы аџьмаҵәҟьа ануҵозаргьы апартиа уазҵаар акәын. Аобком аусзуҩцәақәак снарацәажәа-аарацәажәқәеит. Шәана­
џьалбеит, ихәыҷқәа изныҟәгом, сабицәа гәарҭак дрылатәоуп,
ирахә анних, амла инҵәоит, ишԥаизааури… Ишудыруа еиԥш,
апартиа ажьашьа, дара, амаҵ азызуа раҟара аӡәгьы изды-

руам. Иԥҳәыси иареи еилыҵызшәа ашәҟәы ҟаиҵааит, нас
иԥҳәыс жәохә-хы аџьмақәа дрықәиҭхоит, иаргьы жәохәхы рҳәеит. Уи изхом иара џьма ханҩажәа имоуп сҳәеит.
Жәаф шықәса зхыҵхьоу хшара димоума? Акрыздыруоу,
арысҟаҩык ахьимоу аӡәык ҩыџьак ирыдамхаргьы рықәра
шԥанамӡац. Аусҳәарҭаҿы днеины зықәра аҵанакуа ихшареи иареи еиҿыҵызшәа ашәҟәқәа ҟаиҵааит рҳәеит. Урҭгьы
рыхьӡала жәохә-жәохә џьма, хԥа-хԥа шьамаҟа аниҵап
рҳәеит. Усҟан сдепутатын, аусҳәарҭа аиҳабы ишҟа ашәҟәы
зҩит, абри ауаҩ иԥҳыси иареи еилых, ихшази иареи хазыхаз ишьҭы… Уазхәыцу? –иччаԥшь шшаӡа дааԥышәарччеит
Адамыр. – Аҭаацәа еимырпы ҳәа ашәҟәы зҩит. Ихаҭа иҿала
изласеиҳәаз ала, иԥҳәыси иареи ааибуам, лҟазшьа хыгашьа
амам… Абас анысҵароуп, ишԥоубои анысҳәа, ианҵагәышьа,
лтәарҭа иасыргәӡааит, уи лтәарҭа иаҩсуа уаҟа аӡәгьы дыҟам,
аха уаҳа иамуазар, ианҵагәышьа иҳәеит. Иҷкәынцәа ракәзар,
раб иҳәатәы харҵом, хыбрак аҵаҟа еицынхашьа рымам…
Суҳәоит, аҭаацәа еимырпы… Иаа, ишԥоубои зыԥсы ҭоу аклассик аҭаацәара аганахьала ипозициа?
– Иҟаиҵо, акыр ихәоу? – игәгьы дынҭахәыцит Ҭарсхан.
«Сиазҵаап Адамыр. Ари исеиҳәаз ихаҭа ихы иаимырхәозар,
зыҩра даҿу агәалашәарақәа рҿы имҳәазар, сара исиҭеит асиужет. Ажәабжьк алсхуеит. Зеӷьаҭам сиужетуп.»
– Уӡырҩла, – иажәа инациҵеит Адамыр, – цқьа снаи­
хәаԥшызар, ишуасҳәаз еиԥш, абар сынхаҩы, уаазгазеи,
иуҭахузеи? Абра уҟоуп, уԥсы ушьоит ҳәа ансаҳа, узбарц сааит. Иҭабуп. Напызаҵәлагьы смааит. Иҭабуп иахьуҳәазгьы,
сара акгьы сҭахӡам. Исиҭозеи? Абнаҟа иҿасҳәеит. Уҩызцәеи
уареи шәааидтәалап. Сыԥшызар, атурбаза агәашәаҿы шьтәак
ҿаҳәоуп. Убринахыс есышықәса саацыԥхьаӡа шьтәак сызкын.
Сынтәа игәы нсырхеит. Ишьтәа ырхынҳәны иҭаны дсышьҭит.
Убриала ҳагьеиԥырҵит ҳәоуп сшыҟоу. Исгәалазыршәаз абри
алабоуп. Абри сиҭеит. – Алаба нарҳәы-аарҳәуа днахәаԥшаахәаԥшын, нас иҵарсуа иҿынеихеит. – Иааҟәымҵӡакәа
исацәажәоит ари алаба. Мышкы, ианеиҵаха, ҩба-хԥа ажәабжь
уанаҳәоит. Аӡиас аамҩахыганы, иара иатәӡам амҩа иануҵар,
егьаамҭа мчыла уи амҩа ианызаргьы, мышкызны ахьышьҭрахь

ихнымҳәыр ауӡом. Мцыла ҳанбанӡеибаркызаауеи?! Саргьы сицхрааны амц анбанӡаихәо уи анхаҩы? Аӡҭасгьы
ахьышьҭрахь ихынҳәны, уи анхаҩы иашала днымхалар ада
ԥсыхәа амамкәа иҟалоит, иҟалоит закәи, аҟалара иаҿуп…
Арҭ реиԥш иҟоу, игәы дынҭахәыцит Ҭарсхан, аӷба аԥсҟы
зку акаԥдан иахьеиԥшқәоу рацәоуп. Рыӷба ииашоу амҩа
иқәырҵоит ҳәа агәра ганы иахьынӡаҟаз, дара раԥхьа уаҩы издыруамызт рыӷба уаҵәы амҩа иацнаҵаларц азыҳәан иаҭаху,
иахьа иҟаҵатәу. Заа егьыҟарҵон. Аӷба аҵааҟәрылара иалагозар, убасҟангьы дара раԥхьа уаҩы издыруам. Иҵаарҟәрылара
иаҿу ирбаанӡагьы дара ирбоит. Сара, уи аӷба даԥырхагоуп
ҳәа иара ииԥхьаӡо, агәра ганы сыҟоуп ианҵааҟәрыло аамҭа
сахаанхом ҳәа, иара ииҳәақәо уаҳауеит. Аҭаҳмада игәкаҳара
акәу, сара исзымдыруа џьара акы ибаҵәҟьоу?
Ари ахшыҩҵак ананиҵа Ҭарсхан, ииашоуп ҳәа ишышьа­
қәимырӷәӷәоз злоудыруа, аҵыхәтәан ахыцқәа ирҭакны ина­
циҵеит иазхәыцтәуп ҳәа.
Азхәыцха иоузҭгьы…
Шьхатәылан ианеиқәшәаз аҽны, ашьжьымҭантәи реицәа­
жәараан, Адамыр Арҭанба ииҳәақәаз ихиркәшеит иара, Адамыр иажәақәа рыла.
– Акы суазҵаашан? – рааигәара иҟаӡамыз аӡәы диа­цәа­
жәозшәа, гәҭахәыцрала ҿааиҭит Адамыр, – убасҟан, аӡиас
ахьышьҭрахь ианыхынҳәлак, сынхаҩгьы уаҳа амц аҳәара
иҭахӡам, сыԥҳәыси сареи еиҭа ҳаибагеит, ашәҟәы ҳҭажәҩыроуп
ҳәа аусҳәарҭаҿы днеир, хазы ицазшәа зышәҟәқәа ҟауҵаз
уҷкәынцәагьы уаргьы ишәҭахызар шәеицыҟаз, ишәҭахызар
шәеиҿыҵны шәынха ҳәа рарҳәар, (ахы ахьхоу ала уахьоуп
иахьцо) ишуҭаху унха-унҵы ҳәа… Уара уазхәыци, Ҭарсхан,
абри? Аха, мшәан, уара сызуазҵаауазеи! Уара иҟауҵаша аҭак
уҩымҭақәа рҿы избеит. Ианбыкәу аҵыхәтәантәи арецензиа
анызҩыз уара узыҳәан?
– Ҩышықәса уажәаԥхьа.
– Ҩышықәса… Убасҟангьы хаҳәқәак налышәшәахьан
абни ацаҟьа, – агаҿа аганахьала зыҽҩышьҭызхыз ашьха
инапы нақәикит, – аха хаҳәқәак налшәазаргьы ахра ҵысра
ақәым, уаҟа иаангылоит ҳәа сыԥшын. Излазбо ала, ахаҳәқәа

иаҳа-иаҳа алшәшәара иалагеит. Урзыӡырҩи ауаа ирҳәо
уаҳап! Џьоукы маӡала, џьоукы иаахтны уи ахра ахаҳәқәа
алыршәшәара иаҿуп, иҵыршәаауеит. Иумбои, узеигәырӷьаша
уасҳәоит…
– Убасҵәҟьа… Ҳҳәынҭқарра еилаҳандаз ҳәа сара џьаргьы
исымҳәац, исымҩыц, – инаимаикит Ҭарсхан.
– Ишԥоуҳәеи? – изеилымкаазшәа ҟаҵаны, иблақәа ыргызмалны Ҭарсхан днаихәаԥшит. Сара гаӡас сушьоу, изеилымкааит ҳәа усыхәаԥшуоу, иҟауҵо уара ухаҭагьы иузымдырӡауоу? –
уаанӡа ахьааи, агәкаҳареи, ақьиареи зхыз иблақәа рыԥштәы
аарыԥсахит, аԥша насны анаҟә аныхнаҵо еиԥш, ирхыҳәҳәылаз
зегьы ныҵабан, гәаӷла иааҭәит. Ҭарсхан иааицәымыӷхеит.
Сиԥырҵыр, ихала даансыжьыр иаҳа еиӷьуп, иқьышәқәаҵәҟьа
ҵаӷахеит, ажәа мчқәа шрықәыххуа ҩашьом, иара изыҳәан
сара… Еилкаауп. Иҽизнымкылакәа иажәа мчқәа рҿаархар,
саргьы…
– Саҭанаумҵан, Адамыр, иаарласны иҟасымҵар амуа ус­
қәак сымоуп, –ахьшьцәеи иареи иаха иахьԥхьаз аҩнахьы
иҿынеихеит Ҭарсхан. Ашьҭахьгьы днаԥшны дибон, акраамҭа,
илабҷашь наиҵарсуа, хәыцра хьанҭак дҭанагаланы дшамоу
мҩашьо, ишьи-ишьи еиқәҵо длеиҩеиуан Адамыр.
Ашьхақәа ирывҵыз амра акыр иҩхашлахьан.
***
Ҭарсхан Ҭрамба иԥшәмаԥҳәыси иҷкәыни дырԥыларц, иаргьы иархеологиатәи иҭоурыхтәи ԥшаарақәеи, шәҟәыҩҩык
иаҳасабалагьы иибаз-иаҳаз неихишьаларц, инаниҵақәарц,
урҭ раара мшқәак шагыз атурбаза «Абӷагә» аҿы даннеи, раԥхьатәи амш ашьжьымҭан Адамыр Арҭанбеи иареи
анеиқәшәа, ианеицәажәақәа, реиԥырҵшьа дшазыԥшӡамыз,
дшақәымгәыӷӡоз ала иҟалеит. Уи иҟнытә дыззыԥшӡамыз
ажәақәа иаҳаит. Шьыбжьышьҭахьынӡагьы уаҳа ихы
иқәимыршәеит. Машәырынгьы ҳаиҿамҳандаз ҳәа, Адамыр
дахьыҩназ аҩны инахараны давсуан. Реицәажәара еихшьала даназхәыц ииашаны, ибзианы иҟаиҵеит ҳәа иԥхьаӡеит
реицәажәараан ирласны дахьиԥырҵыз. Даҽа маҷк акәын игыз

иара, Ҭарсхан, изымычҳакәа, уи ауаҩ изыҳәан игәы иҭаҵәҟьоу
иаҳәара. Ууаҩԥсы бзиоуп, уқьиоуп, сани сареи ҩынҩықәра
наҳҵыргьы иҳазшәом убзиара иҳаду, аха, угәы иалымсын,
ушәҟәыҩҩра сара сзыҳәан аӡымлага иаҩызоуп. Суқәгәыӷны,
аӡәыр рымҩа ааиртуазар абри иааиртуеит ҳәа сара схаҭа
срыҳәеит аҭыжьырҭаҿы снапҩымҭақәа рыхцәажәаразы
уара иурҭарц. Уара уаалаган сымҩа уҿаҟәеит. Уара угәанала,
аԥхьаҩцәа иахьырзеицәахо аганахьала аус руеит иҭыжьхар.
Уара иаҳа излоудыррызеи аԥхьаҩцәа ирзеицәоуи ирзеиӷьуи.
Амцҳәароума иаҳа ирзеиӷьу?! Уара иаауҩуа аиҳараӡак зегьы мцуп. Иахьа аӡлагара арлагазшәа убоит, аха башоуп,
уара урҿиара зеиԥшроу уасҳәап Адамыр Арҭанба, зыԥсы ҭоу
аклассик? Аӡымлага иаҩызоуп. Аҵкысгьы еицәоуп. Аӡымлага
ма зынӡаскгьы инеиӡом аӡлагарахь, имҩахгоуп. Уара иуҩуа,
иашоуп, аӡлагара абарбалқәа ирысуеит, иашоуп, алуқәа аргьежьуеит, аха иаҿыҵуа ашыла уаҩԥсы изыфом, изфогьы
ирзеицәоуп.
Ашьжьымҭантәи реиқәшәара, реицәажәара ашьҭахь уи
ашәҟәыҩҩы изыҳәан даҽа гәҭахәыцракгьы аниҵеит Ҭарсхан.
Уи ауаҩ имцуп, джьоуп ҳәа сара изысҳәо, иара убри
аҵкыс ииашоу, убри аҵкыс еиӷьу, инасыԥ лашароу уаҳа
даҽакы ыҟам ҳәа зыгәра игауа дунеик аҿы дынхоитдынҵуеит гәыкала-ԥсыкала. Ԥсҭазаарасгьы имоу убри ауп.
Ашьжьымҭантәи ҳаицәажәара, инамыгӡакәа санацәыбнала
ашьҭахь, убасшәақәа сгәы иаанаго сҟалеит. Ссирс ииԥхьаӡоз
идунеи, иԥхыӡ лаша далҵуа, даҽа дунеик изаатуа иалагеит ҳәа. Иарбану иара изыҳәан иаҳа еиӷьу, сара имцуп ҳәа
исыԥхьаӡозаргьы, иара џьанаҭ иибауаз адунеи аҿы дшыҟаз,
имцымзаргьы, насыԥ иманы ихы шиԥхьаӡоз идунеи иԥсахыр
иаҳа еиӷьзу, мамзаргьы? Иарбан? Иарбану «мамзаргьы?»
Уара агәра ганы уҟоума иҟаиҵаз зегьы шбашаз ибеит ҳәа?
Уажәы дшыҟаҵәҟьоу ҳәа зыгәра угаша акы акәзар ҟалап. Иара
иитәыз адунеи аилаҳара ишаҿу ибоит, дгаӡам, аха аҿыцгьы
иара ишитәым ибоит.
Диаша диашам, уи ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаареи ирҿиареи
данрызхәыцуаз, Ҭарсхан иара ихгьы дназхәыцқәеит, дхьаԥ­
шны иаргьы имҩа днаныԥшылақәеит. Дызқәыӡбауаз аҟны

акәзааит, дзыдгылоз аҟны акәзааит, Адамыр иԥсҭазаара
аҟнытә ихазыҳәан акыр алиганы, алкаақәак ҟаиҵаны ҳәа
ианҵамҭақәа рҿы акгьы аанымхеит. Аха аҩынтә раан
реиқәшәара, реицәажәара ахьаниҵоз дызлалагаз ала, уаҩы
агәра игартә иҟоуп, Адамыр иԥсҭазаара иара, Ҭарсхангьы ихы
иадкыланы дшазхәыцқәаз.
– Сара издыруеит, дад, аӡәы иҟаиҵаз агха, ииҳәаз, ииуз,
даҽаӡәы акгьы шинамырҵо. Абри амҩа уаныланы ушнеиуа,
аԥсақәа ирыҵганы инагаз амҩахәасҭа, ҳазныланы ҳнеиуаз,
инапы нақәикит. Ашьжьымҭантәи ҳаицәажәара инацҵаны
акәын ишиҳәоз, аха иаҳа иҽирҭынчхьан. Изӡар акгьы иаԥсам,
ҳаиқәшәара, ианамуӡах ма убри аҽны, сара исҭахымызт,
сахьацәыбналаша акәын сзызхәыцуаз. Аха иара имуит. Сзыднагалаз ахьшьцәа-шәарыцаҩцәа аӡәы иеиҳәеит, дубозар,
дысзаашьҭ, абраҟа, ашҭаҿы сизыԥшуп ҳәа. Ҳаицәажәара
схаршҭӡаноуп сшиԥылаз. Ақьаади иареи реицәажәара
игәы ԥнаҵәоу, уаҳа дзацәажәашаз уаҩ димоуу сыздыруам,
ҳшааиԥылаз, анаара иаҿгаз амҩахәасҭа даныланы иҿынеихан,
ацәажәара дналагеит. Илабҷашь ақәк икуп амҩахәасҭа, иубоит, хаҳә аныжьлам, ԥашәк алҳәҳәом амҩахәасҭаҿы. Зегьакоуп ушьацәхныслеит. Ахаҳә уахҟьашеит, аԥашә ушьапы
иаҿаԥеит. Иумбозаарын. Укаҳап, угылап, уара иуусуп. Абааԥс,
сшәыкәыхшоуп сышьҭахьҟьа иааиуа, абри амҩахәасҭаҿы,
абри аҭыԥ аҿы сара абас сыхьит, сшьацәхныслеит, шәаргьы
ишәмыхьхьеи уҳәар, угәы иаанагома урҭ азхәыцуеит ҳәа? Дасу,
дад, иара итәала дшьацәхныслароуп, дкаҳароуп, дгылароуп. –
Абри ашьҭахь инациҵеит сара ахаангьы исызсыдымкыло, избанзар уи уанақәшаҳаҭха, сара сзыҳәан, сҩымҭақәа рымҩа
зкыз ацензура аҵкыс еицәахоит. – Ҳхы ҳжьоит, уаҳа акгьы.
Иаҳаҩуа аӡәыр акыр ианырҵо џьушьозар? Иҵхьоузеи Гомер
игәаҟ-ашәа иҳәазар аахыс? Толстои дышгәаҟуаз, дышҳәацәоз
дыԥсызар аахыс? Аӡәыр иаҳама ирҳәоз, аӡәыр деиӷьнатәыма?
Хи-ԥси роуп иҟоу, уаҳа акгьы. Хи-ԥси зысҳәо еилукаауеит? Уара ухы ахьеиӷьутәыша, уара уԥсы ахьурыцқьаша…
Даҽаӡәу? Дызшаз дшишазоуп, уаҳа акгьы. Абарҭ аҩышықәса
ахышықәсанӡа, сгәы еиҭасаанӡа, сара иаасҳәо, иаасыҩуа ауаа
рҿынӡа инеир, ираҳар, иаԥхьар, ирҵар, иқәныҟәар, ирыхәоит,

амҩа бзиа, амҩа иаша иқәнаҵоит ҳәа агәра ганы сшыҟаз
еиԥшҵәҟьа, уеилыскаауеит, иуҳәом, аха агәра ганы сыҟоуп,
иаауҩыз, иаауҳәаз ауаа ираҳар, иаԥхьар, рыблақәа хнатып, изҭагылоу днарбап, саркьак ианԥшылап ҳәа… – иажәа
намыгӡакәа, исҳәо иашаӡами, иуцәыцәгьазаргьы уақәшаҳаҭха
ҳәа даасыхәаԥшит. Сара исҳәара сҿамшәеит. Уи азыҳәан угәы
касыжьыр сҭахым. Ус агәра ганы уахьыҟоу бзиоуп. Сымҩа
укит, аиаша ухәаҽуеит ҳәа усызгәаар, усацәҳар иаҳагьы
еиӷьысшьон. Агәала шумоу сзеилымкаауа аҟара сгаӡоума. Аха
уара ичҳауа уааиуеит.
– Исычҳаит, избанзар, избагәышьоит уаргьы акгьы шулымшоз. Абри ишәҭ снапҩымҭақәа, ииҳәо агәра згоит ҳәа, аӡәгьы
имаҳартә, маӡалашәа санрыҳәоз, иуцәызӡом, агәра ганы
сыҟамызт ишәкьыԥхьроуп ҳәа убжьы ургоит ҳәа, аха усеиԥш
иҟоу саҳарц сԥеиԥшзар, ианамуӡах ма абри иҟнытә исаҳаит
сҳәеит… Ажә ашьапы аҳәыс ашьуам ҳәа… – инагӡаны аиаша
шимҳәоз, иҳәашьа мацара акәым, иԥшышьагьы ианыԥшуан.
Усеиԥшқәа раан Ҭарсхан, асаркьа данԥшылозшәа акәын ихаҭа
ишибоз ихы-иҿы. Дзацәажәоз иблақәа дзырхыԥшыломызт.
Зны ажәҩан днаҵаԥшуан, нас адгьыл аҿы аимдара иалагон илаԥш. Ашьҭахь дахьхәит иҟалаҵәҟьаз иаахтны Адамыр
иахьиеимҳәаз. Уи иеимҳәеит, аха итетрад ианиҵан, ҳара ҳзы
еиқәхеит. Сгәанала, убри ишану, имԥсахӡакәа, аԥхьаҩ ирдырра иаԥсоуп.
«Аҭыжьырҭаҿы иназгеит снапҩымҭақәа. Знапаҿы инанагаз аредактор, дахьынӡеилыскааз ала, уаҩԥсы бзиак иоуп.
Сацәыԥхашьеит ихаҭа ииҩхьоу ҳәа акгьы сахьамыԥхьац. Уи
убасшәақәоуп дшызбаз, чалтк даҵахазшәа. Иблақәа рхаханы ачалт даҵыԥшны дыԥшуеит саҵызхрыдашь ҳәа. Зегьы иреиҳәоит ачалт инахарц, аха ихаҭа инапқәа иваԥсаны
диоуп. Ачалт шәнаха ҳәа ахьиҳәо изхоит ҳәа иԥхьаӡоит.
Снапҩымҭақәа аредакторра рзура дазхиоуп. Ацхыраара
иҭахуп. Иара сара дсыҳәеит еицырдыруа шәҟәыҩҩык, сара
издыруа, ма сыздыруа аӡәыр дыҟазар, сиацәажәарц, ажәақәак
схиҳәаарц, дсыцхраарц.
– Аҭыжьра аҭакԥхықәра зегьы уара ухы иадуҵарауазеи? –
сҳәеит, ус шамуа шыздыруазгьы.

– Иаҳҳәап, гызмалрас иҟоу зегьы рыла иҭсыжьит. Аҭирҭахь
инаргеит. Уара угәы иаанагома ԥхьаҩык дашшуам ҳәа?
Ашәҟәгьы ааныркылоит, саргьы усурҭада саанхоит. Иухашшаауа, уара узыҳәан абзиа зҳәаша аӡәгьы думаӡами?
– Зынӡа ассир дсымоуп. Ҳаиҭынхацәоуп. Сан ланшьа
иоуп. Аибабара бзиагьы ҳабжьоуп. Адамыр Арҭанба! – сиеи­
гәырӷьаҵәа аҿыҩасырхеит.
– О, иҳаракӡаны ушьапы кыдургылазаап. Уи иҩыр акәым,
аҭел днасны, шәызҿузеи, уара уаҟа?! Аҿар рымҩа шәкуама,
сара срыԥхьахьеит Ҭарсхан Ҭрамба иҩымҭақәа, иҭшәыжь
иҳәааит, уинахыс уара аус ахьумоу адәқьанаҿоуп. Уназҵаала
ушәҟәы аҭирҭахь ианнеиуа. Аха… Цқьа дудыруоу зыӡбахә
уҳәаз? Уара уан иара иаҳәшьаԥҳа лоума?
– Илеиӷьишьо уаҩ димаӡам. Иаҳәшьа, сара санду, ддырӡит,
дыршьит. Сан дааибацыԥхьаӡа, саҳәшьа лцәа бхыскаауеит,
бара быҟанаҵы саҳәшьагьы лыԥсы ҭоуп иҳәоит…
– Убас зеиҳәо, убас иибо ауаҩгьы усҟак длыхӡыӡаауам уи
дшахӡыӡаауа еиԥш уара акритика ззууа…
– Сара акритика ззызуа исцәымӷны акәӡам, еиӷьхар
сҭахны…
– Уи иара иаҳәала. Сара иуасҳәо убри ауп, уи ажәа уара
умҩа аанартуеит, аха сацәшәоит… Уазхәыц. Ишырҳәо еиԥш,
зегьы нкыланы измоу џьара акы ыҟоуп, аҵла абӷьы амахә
ишахьынҳалоу еиԥш. Ацензура махә иамақәоу дреиуоуп убри
ууа, уҭынха.
– Сызуқәшаҳаҭхом. Сара саб данҭаркыз, зегьы шәаны
ҳашҭа ианҭамлоз, иара иҿыхра дашьҭан, ииашамкәан
дҭашәкит иҳәеит.
– Уи шыҟалақәаз сара исыздыруам. Сара издыруа убри
ауп, ҳҭыжьырҭаҿы ҩымҭа бзиақәак рымҩа икхьеит.
– Зегьакоуп иара ишәҭ арецензиа азы. Сара агәра ганы
сыҟоуп уи ацәгьа шимыҩуа.
Иаабап ҳауа ииашахо дарбану?
– Ишԥоуҳәеи? – реицәажәара инациҵеит Адамыр. – Уи
бзианы иуҳәеит. Ажә ашьапы аҳәыс ашьуам… Ажә… Аҳәыс…
иҟоу умбои, Ҭарсхан, ашьапы инақәԥалазаргьы, аҳәыс ан,
изыхшаз ан гәакьа, илагәҭасны ибӷанамҵозароуп. Умбои

ажәаԥҟа ишаҳәо, ушьапы инақәгылазаргьы, уи уара, уашьуам,
уан ауп аҳәеит. Уара? Уажәы ишысҳәо еилукаауама? Усҟан,
иҵуазеи? Хышықәса, хәышықәса раԥхьа сышхәыцуааз атәоуп
исҳәо. Хышықәса, хәышықәса ируазеи, схы здыруазар аахыс
сышхәыцуазоуп. Уара уҩымҭақәа убасоуп ишызбаз, ашьапы иахьнақәԥалаз азыҳәан аин иагәҭасны ибӷазҵаз аҳәыс
еиԥш…
Уара анцәа ииныҳәаз уаҩуп. Уаамҭеи уареи еимакы
шәмоуӡац, – иасҳәеит иара изыҳәан уаанӡа схаҿы иааихьаз.
– Иаҳмоуцызт… – днақәыӷәӷәаны, исхасмыршҭырц иҭахыз­
шәоуп ишиҳәаз абри ажәа.
Абри аҽны зны еиқәшәарц еицәажәарц иҭахын Адамыр.
«Анцәа усзааигеит, Ҭарсхан. Иуасҳәаша рацәаны исымоуп.
Сгәалашәарақәа-суасиаҭ ажәаҿы исҳәақәоит урҭ, иуасҳәақәарц
исҭахқәоу, мышкызны уаԥхьап, аха уҿаҿы иуасҳәар иаҳагьы
игәырҭынчгоуп», – иҳәеит ашьыбжьышьҭахьтәи реицәажәараан
ианеиԥырҵуаз. Дызхыццакуаз изеилымкааит Ҭарсхан, аха
аилкаара мариан уи ауаҩ акы дшахыццакуаз, мҩак иманы
иаарласны дықәлозшәа. Ихы дазынхаргьы иҭахын Ҭарсхан.
Ианиҵақәаша рацәаны изеизахьан. Урҭқәа раҵкысгьы
даҽа гәыҵхак иман. Аӡиас инхықәгылаз аныҟәаҩ иалихыр
акәхоит ҩба рахьтә руак, ма аӡиас дҭаланы дырроуп, мамзаргьы дхынҳәыроуп ишьҭахьҟа. Ҭарсхан ихазы иӡбар акәын,
иԥҳәыси иареи нас маӡала гәыҵхас имаз аԥҳәыси иареи
реизыҟазаашьақәа. Џьарак акәымкәа, ҩыџьарагьы аус ууеит,
ауалафахәы ахьуоуа, аинститут аҿы. Арахь Виқтор Ҭахәыц-иԥа
изыҳәангьы қьаадқәак уҩлароуп, урҭ узымхозшәа, даҽакгьы,
даҽа еидаракгьы уаҵеиҵеит узшаз – ушәҟәыҩҩра. Сара уцхраара ахьсылшо акы заҵәык аҿоуп – аамҭала ахақәиҭра усҭап,
аҭаацәа ирыдуҵо аџьабаа аҟнытә ухы уақәиҭыстәып, – лҳәеит
иԥҳәыс лҭаацәа рахь данцоз. Уажәшьҭа еиҿырԥшла уи илҳәази
Фатима ҽнак, луадаҿы иштәаз, аҵәыцақәак ишынарҿыхәоз,
иаалымҩатәшәа илҿыҵшәаз ажәеи. «Ҩба хԥа ус анузеилала,
уџьабаақәа анырацәаха, иаҳагьы уааигәара дыҟазар акәӡамыз
уԥҳәыс?» Аамҭа илҭеит урҭ ажәақәа цқьа дрызхәыцырц.
Ашьҭахь рҿаалырхеит уаанӡагьы илҳәақәац. Иҭаацәароу, ахшара змоу иҭаацәеи иареи еилыхны акәым, дҭаацәараӡамзаргьы,

уимоу, адунеихаан ԥҳәыск димбаӡацзаргьы, дааицымцар
иҽынкнаҳаны иҽишьуазаргьы, лара ԥҳәысс диццарц, аҭаацәа
роурц лыхгьы-лыгәгьы ирҭам. Иара дылҭахымкәа, хаҵаҵас
дылгәамԥхонгьы акәым, лара ус дишеит дызшаз. Абзиабара аҵкыс инеиҳау даҽакгьы ыҟоуп – ахақәиҭра. Шаҟантә
дазхәыцхьоузеи Ҭарсхан абри илҳәақәо иашаҵәҟьоумашь
ҳәа. Агәра игаҵәҟьартә акгьы изалымхит. Азхәыцра даналагалак игәалашәоит ҽнактәи хҭыск. Илҳәои илуеи реиҳа ииашоу иарбану ҳәа акы дазхәыцит аҽны. Еиқәымшәеижьҭеи
мчыбжьык аҟара акәын иҵуаз. Ажәак аҳәаха илымҭеит луада ашәхымс данынхыҵ. Ихәда лнапқәа накәлыршан, убасҟак
дылгәыдыҳәҳәаланы дгәыдылкылон, лыԥсы маҷхаз џьишьеит.
Лыбласаркьақәа лыцәкаҳан, убарҭ шьҭихыргьы лымуит. Иаргьы
длырцәажәомызт, дцәажәомызт ларгьы.
…Ашьҭахь, лара дҩагыланы днеин, исарочка ыршәны адиуан иахьықәиршәыз ианаақәих, игәалҭеит ахәда шыҟьашьыз.
Харԥ заҵәы дшыҟаз инӡаалҵан, аӡәӡәага парашок
нақәлыԥсеит. Иҟабымҵан, уаҵәы исшәысҵо, ицқьоу сымоуп
иҳәеит, аха убри аамҭазы илымуит. Аӡәӡәарахьҵәҟьа даннеи,
уи лзырҟаҵаз лхыԥсаахьан. Иахьынӡалыӡәӡәоз аҳамамҭра
ашә дылагыланы длыхәаԥшуан.
– Фатима, исзеилкаауам, бгәы ишаҭахым збоит, изыҟа­
бҵозеи? – иҳәеит иаалымхны исыӡәӡәандаз игәахәуа, –
ссарочка быӡәӡәеит ибмыӡәӡәеит ҳәа сара даҽакала сбы­
хәаԥшуам. Баҟәыҵ, бгәы ишацәымӷу збоит.
Иуцәызӡар акгьы иаԥсам. Уиашоуп. Мчыла иҟасҵарц
сҭахын, иауам. Сани саби рҿы саныҟаз, зны сан ислырӡәӡәеит
саб иқалбадқәа. Ҩаха ҩымш акырсымфаӡеит, сгәы хынҳәуан.
Сара иуасымҳәеи, аҭаацәара азыҳәан анцәа симшеит. Арахь
уаасымбар сзычҳауам.
Иетнографиатә ԥшаарақәа дырҿым араҟа. Усс имоу
акы заҵәыкоуп – иԥҳәыси ихәыҷи рзыԥшра. Урҭ анаалак
инаркны, иԥсҭазаараҿы даҽа аамҭак шалагоз идыруан.
Абыржәшьҭарнахыс џьарак еицыҟалоит. Иазхоит, лҳәеит,
ахақәиҭра ахьынӡаумаз. Иаргьы иҭахыҵәҟьам уи аҩыза
ахақәиҭра. Ирласны иаандаз иԥҳәыси ихәыҷи. Инхазеи,
мшқәак роуп.

Адамыри иареи араҟа иахьеиқәшәаз азнык азыҳәан
усҟацәак дамеигәырӷьеит Ҭарсхан. Уи ауаҩ изыҳәан
агәалашәара бзиақәа шизцәырҵуаз еиԥш, ихаиршҭырц
ииҭахқәаз агәалашәарақәагьы идҳәалан. Инапҩымҭақәа
рхаҭақәагьы игәалашәарц иҭахымызт. Илҭаху рзылуааит
иан. Ахаан акгьы имыҩӡац, џьаргьы инеимгац, ирхынҳәны
ирымҭац. Аха даҽа ганкахьала деигәырӷьон Адамыри иареи араҟа реиқәшәара. Ари ауаҩ сара дысзымдырӡозаарын.
Изаҭахузеи асиужетқәа рыӡбара?! Адамыр иԥсҭазаара романк ыҟаӡами?
Ашьҭахь, иҟалаша аныҟала, ианиҵеит Ҭарсхан итетрад аҿы,
исгәалашәеит аҽны, аҩынтә раан ҳанеиқәшәа, ҳанеицәажәа,
аус иуларц иҭахызар акәхарын, дахьыҩназ аҩнахьы данцоз,
дсыҳәеит даҽазнык ҳаиқәшәарц.
– Уаҳәатәқәак сымоуп. Суҳәоит, иахьа ҳаиҭеиқәшәап, – даанаскьахьаны даахьаҳәын, акы ихашҭны игәалашәазшәа, ус
нациҵеит, – суҳәоит, зегьы ухаршҭны, иахьа, иахьаҵәҟьа еиҭа
ҳаиқәшәароуп. Иуасымҳәар ҟалом.
– Иуҭахызар, уажәгьы…
– Мап, уажәы – мап. Цқьа сазхәыцроуп.
Ианеибырҳәаз аамҭа акыр шагыз, иахьеибырҳәаз – атурбаза ашҭа агәҭа иқәгылаз, ашәҵла амҵан длеиҩеиуа дыԥшын
Ҭарсхан. Инаҩс, арҩаш аганахьала, лбааҟа, анаара ҿцәааны
иҟарҵаз абаскетбол асырҭаҿы ԥсшьаҩцәақәак ампыл иасуан.
Урҭ рнаҩсан, аԥсаҵлақәа рымҵан, ҿыц иаау, мамзаргьы амҩа
иқәлазу, гәыԥҩык атуристцәа тәаны иԥшын. Аӡәгьы ибжьы
ныҵак, ихала ашәа ацҳәауа, агитара аирҳәон.
– Иуздырӡом, уара џьокер ахәмаршьа уздырӡом! – лыбжьы
ҵарыхәҵәаӡа игон ӡӷаб хәыҷык, жәабаҟа шықәса ракәхарын
илхыҵуаз.
– Сара соума иззымдыруа, бара зынӡаскгьы быцхәмарра
сҭахӡам, – илымаикуан лара лаҵкыс ҩбаҟа хԥаҟа шықәса
деиҳабхап ззуҳәашаз аҷкәын. Урҭ џьокер ихәмаруан
иҵыҩрны икаҳаз аԥсаҵла иқәтәаны. Аҵла шкажьыз џьоукы
убас иқәырцәааит, уқәианы уцәарын.
Унахькьысыр ашәыта анылап азуҳәартә ацәа шкәакәаӡа
игылаз ашәҵла илаԥш адхаланы дахәаԥшуан Ҭарсхан. Ианеи­

ҵаха аабаҟа жәабаҟа метра иҩышьҭыхны, шәыга еиқәаҵәала,
аурыс бызшәала ианын. «Привет, Маша!» ҳәа. Абри ауаҩ
Маша салам лиҭарц азыҳәан мардуан дуӡӡак ҟаҵаны, икыдыргыланы убраҟа ианиҵама? Мардуанда дықәлеит уҳәар,
ашәҵла ҩыџьа ахацәа рнапқәа акәшом.
– Дааираны дыҟоуп, уажәымзар уажәы дааираны дыҟоуп,
– дыццакы-ццакуа дааваххит Жәраб-Зегьраб. – Уабаԥшуеи,
ажәҩанахь усс иумоузеи, аҩыза, амҩахь уԥшла, амҩахь,
анцәа дхьыҟоу адгьыл аҿоуп, убри уажәымзар уажә «Чаика»
дақәтәаны дааиуеит, – Ҭарсхан идырит уи дызҿыз, дыззыԥшыз.
Ииҳәаз имаҳаӡазшәа, хәымгарак кнаҳаны избаз ахәыҷы
иеиԥш, дшахәаԥшыц дахәаԥшуан «Привет, Маша!» – Аӡәыр
дугәаланаршәама, уара утәы илыхьӡузеи?! Аа, анцәа иишаз,
уҵарауаҩуп, ухәыцла, уҩла, уаҳа акгьы. Аӡәы имҵахырхәатәыс
иумам, имаҵ аура уқәым. Шьыри, убас акы сылазарауааз. Аа,
уиоума узхәаԥшуа?! Уи ҳаҷаԥшьаҩ ҷкәын иоуп ианызҵаз.
– Дызлахалазеи уанӡа?
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3320
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2205
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3310
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2272
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2122
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2196
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2230
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3382
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2251
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2291
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2329
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2206
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3370
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2247
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45
    Süzlärneñ gomumi sanı 2585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744