LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
Süzlärneñ gomumi sanı 3306
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
еиҩырымшац… Ахаҳәтә баагәара мацара акәзушь ауаа
еиҩызшаз? Џьоукы адгылеит мрагыларатәи аимпериа, даҽа
џьоукы – мраҭашәарахьтәи. Абри ахәыцра Ҭарсхан дааскьанагон ихаҭа дызхааныз аамҭахь. Ианҵамҭақәа рҿыҵәҟьагьы
уи атәы инықәырԥшшәа акәын ишиҳәоз. Аха абарҭ рылагьы
уаҩы ибартә иҟоуп, зыҩра дахьымӡаз ароман, иҩӡаргьы, уи
алахьынҵа шреиԥшхоз егьырҭ иҩымҭақәа.
Сафер даниԥырҵ, анаара дааҿаланы, абнара еихашьшьы,
уаҩы дахьимбаша ҭыԥк иԥшаан, итетрадгьы наҟ иҵәахны
днатәеит аԥсабареи иареи рхала еизынхарц. Иауамызт,
дшиҭахӡамыз дааины ибла даахгылон Сафер.
Абар, рқыҭаҿы ашәыр адкыларҭа апункт дыҵагылоуп.
Убасҟан Бақьыр-иԥа Ҳараз иԥҳа димгацызт.
«Сара исеиԥшу илзууазеи, уҩнеицаҟьа дыҩнакны!» –
ихьшәашәан иқьышәқәа ирықәыз аччаԥшь. Ҭарсхан идыруан
уи зхиҳәааз. Ианиарҳәоз иааигәараҵәҟьа дгылан. Усҟангьы,
ихыччоз данрылаччоз, иубартә иҟан игәаҵа ишеилашуаз агәаӷ.
Абри лмаҳацыз, илзымдырӡоз саҳәшьа Марица лгәы анизцоз? Дрыцҳалшьазар? Аԥҳәыс лгәаҿы усеиԥш ацәаныррақәа
зырҿыхо дреиуамызт уи усҟангьы. Нхара-нҵырала, малмазарала сӷарзаргьы, сара сбеиоуп даҽакала, сбеиоуп шәара
ишәымаӡам даҽа малк ала аҳәон уи ихы-иҿы. Убасҵәҟьа акәын
иблақәа рыԥшышьа шыҟаз. Адкыларҭа пункт дахьыҵагылаз,
инеихых-еиҵыхыз ашьҭаҵарҭа сара сзыҳәан иҭшәоуп,
сара араҟа знапқәа ҿарҳәаз асаби сиҩызоуп ҳәа акәын
дшыҵагылаз. Иԥшра-исахьа даҵаҽырбон. Ижәҩахырқәа
ҭбааны, иӡара паӡа, дантәоугьы ибӷа риашаны акәын ишикыз. Алаф алхшәа акәын ишиҳәоз «Ҳарҭ, еимырҵәаз ҭауадиаамысҭеи рхылҵшьҭра» ҳәа. Уи аниҳәозгьы дыччон, иухыччо
урылачча ҳәа. Саҳәшьеи сареи иара иаҵкыс акыр ҳаиҵбын.
Ишаҳзеилымкаауаз мдыршьа имамызт, изҳаиҳәазеишь Марицеи сареи апункт аҿы аҳәаса ҳаманы ҳаннеи ииҳәақәоз?
Ацифрақәа рыла иҭәны иҩыз тетрадк имҵан.
– Уахәаԥш, Ҭарс, араҟа иаҳҳәо? – итетрад инапы нақәикит.
Цифрақәак аныноуп. Акгьы изеилымкааит Ҭарсхан. – Ашкол
аҿы шәанааурышьҭлак инаркны аԥхынра зегьы шәызҿузеи
уаҳәшьеи уареи? – Марица деиҳабын. Уи лакәмыз иаҳа ихы
зқәикшаз. –Ачаи аҿыхра, аҭаҭын арыԥхра. Амҽыша шәымам,
асабша шәымам.–Иахаҳҳәаауа еиликаарц иҭахныдҳахәаԥшуан.
Иҟалоит ишьа иалаз џьара акы ҿыханы ицәажәозҭгьы. –
Шәара шәхәыҷқәоуп, ашкол шәҭоуп, акгьы шәырымҭаргьы,
аҵара шәаҳмырҵои, уи маҷума рҳәап. Сара сшәазҵаауеит,
– дегьыҩагылеит Сафер. Документк цәыригазшәа акәын итетрад шикыз, – аҵара ахьырҵо азыҳәан ахә ашкол иахьынӡаҭаз
изырҳаз, убри ашьҭахь, ашкол ианалга, Аԥсадгьыл зыхьчоз, уаҟа,
саашәыкәыхшоуп, ҭаҭынк ахәгьы зырымҭоз, урҭ хынҳәны иааит рқыҭақәа рахь. – Иҽааникылеит. – Уахәаԥш Ҭарсхан, арахь
бааскьа, бахәаԥш Марица, – итетрад инахәаирԥшит, – шаҟа
рырҭозеи? Килограмк ачаи анҿырхлак? Абазк, ма ҩажәижәаба
капеи. Аҭаҭын? Уи азыҳәан шаҟа рырҭозеи? Ианаацәылашо
инаркны амш ахәлара иаарымнахаанӡа ачаирҭақәа ирхуп,
аҭаҭынырҭақәа ирҭоуп. Уигьы учҳап. Сара сеилазго даҽакуп.
Ашықәс анынҵәо аизара ааҟарҵоит. Инеизакны, обшьчи аплан
азынамыгӡеит аколнхара. Убри аҟнытә ажәлар, аҽадақәа,
шәыххь згеит, акгьы шәоуам. Изгазеи, иҟалазеи, иҳарҳаз
абаҟоу? Аоблигациа, астрах, ашәахтә… Уигьы учҳап. Даҽакӡоуп,
аҩызцәа, чҳашьа змам даҽакӡоуп. Аплан азынамыгӡазааит
аколнхара, ауал ақәшәазааит. Уи сара сусс иалоузеи? Акгьы
ҟазымҵаз, акгьы имоуааит, аԥхӡы иҿашы акрызуз, ииуз иҭ. Дара,
– аколнхара аконтора ашҟа инапы наирххеит, – қьафла адәы
иқәуп. – Аконтора абарҵаҿы џьоукы шеицәажәоз аниба, зны
ибжьы ааирхәыҷит, егьа ибжьы рдуны дцәажәаргьы ирмаҳартә
ишыхаразгьы. Иаарласны иааиԥхьаӡан, абҳәаса инаргаз ахә
нариҭеит.
Ишԥалызгәамҭеи саҳәшьа, убарҭ, аҽны Аҟәантәи иааны иҟаз, Бақьыр-иԥа Ҳараз икабинет иаадәылҵны абарҵа
ианаақәгыла, Сафер дегьынарыхәаԥшит ақәыџьма зԥаҳалаз
алеиԥш, зны иҿы акит, нас дҟаԥшьхон, дцәышхон. Иблақәа
убасеиԥш иҟаз мҵақьақьарак, ҳәыркьирак рхыҳәҳәылеит,
ихы ихашҭуа аҟынӡа анцәа дхазҵауа усеиԥш дамҵагыларым
аныхачаԥа. Жәаф шықәса дырҭагылан иаҳәшьа Марица. Амреи аӡәӡәареи иргахьаз лыҵкы, калԥад аҵаӡамкәа илышьаз
леимаа еицаҟьақәа уҳәа, леилаҳәашьала ииашаҵәҟьаны
тәымуаак дудырбалар дыԥхаушьарын. Гәаҵәа зызҭоу
дрыцҳаишьарын. Аҵарагьы зҵоз, колнхаҩ ԥҳәыск лаҟара
аусгьы зуаз, уаҳа еиӷьны дахьеилаҳәам азыҳәан, даҽакызар
акәхарын иԥхашьатәыз. Даҽакгьы иаҵаӡыр ауан иӷарны уи
леилаҳәашьа. Иблақәа аконтора абарҵахь акәымкәа, лара
лышҟа иааԥшызҭгьы, Сафер игәеиҭарын иара ишҟа лара
илыԥшышьаз.
Даҽа џьоукы ракәын иара инцәахәы.
– Шәысҭ, шәысҭ! Абриаҟароуп шәыбҳәаса иҟанаҵаз, –
иҳәан, цқьагьы имԥхьаӡакәа, ԥарақәак неидгәаланы инадиркит.
– Изусҭцәада анҭ? – уахь днаԥшуа Сафер днаиазҵааит
Ҭарсхан.
– Анҭу? – иблақәа урҭ иаарҟәымгауа, адкыларҭа апункт
ашәқәа ныдижьлан, барқәам дуӡӡак нҿеиҵеит. – Анҭ, Ҭарс, анҭ
зусҭцәоу уара макьана иузеилкаауам. Ирласны, исыцәцаанӡа…
Араикомаа, иудыруама араикомаа?! Ҳазкәыхшаша ҳан
цәахәқәа. Иаарҭаххар, уеибга уеизҩыда, аӷьараҳәа уԥсы
ҭаны адәышкәаӷьаз… Убасҵәҟьоуп ишиҳәаз, адәышкәаӷьаз
ушықәу… Иҟаларын, ҩныда-гәарада адәышкәаӷьаз иқә
тәоу ҳәа иҳәарц иҭахызҭгьы… Адәышкәаӷьаз ушықәу, сыԥс
ҭазаара џьаҳанымуп шуҳәауа, – ишәаҳәаны сшалгалак наҟ
шәысԥырҵуеит ҳәа аанаго днарыхәаԥшит, – ухы угәы ахшәо
аҟынӡа унеины ушыҟоу, ибаҳауама Марица, – лыжәҩахыр
инапы нықәишьит. Иахьагьы исызианажьуам. Иахьагьы
иамҳәаӡакәоуп сшыҟоу, инапы лыжәҩахыр ақәшьра акәым,
лшьапы аӡәӡәара дшаԥсам. – Иуаҳауама, Ҭарс хәыҷы, –
ихахәы неилеижәжәеит, – иаалырҟьаны, сызкәыхшаша
иџьаҳаныму уԥсҭазаара џьанаҭыртәуеит. Ус акәымкәа, – ҳара
ҳаиццарц зынӡаскгьы иаҳҭахӡамызт, аха иажәа аҳәара далым-
геит. Иҿанынаиха ҳнаишьҭалеит. Амҵақьақьаҩ хәыларцәа!
Арахь шәабацои, арԥхашьагақәа, наҟ шәысԥырҵ ҳәа инапы
наиҟьеит, – ус акәымкәа, анҭ, шәрыхәаԥши, абанҭ ианаарҭахха,
уԥсҭазаара џьанаҭзаргьы, али-ԥси рыла иџьаҳанымыртәуеит. –
Ибӷа ирхәахьан макьана дшыхаразгьы. – Акыр днаскьахьаны,
ишьҭаланы инеиуазар ҳәа дшәазар акәхап, деиҭаахьаԥшын,
уаҵәы, ашьыбжьышьҭахь сҟалоит, шаҟа шәзааго иҵегь аажәга
абҳәаса. Ахә бзианы ишәысҭоит. – Дцеит дҳәаркьиуа. Уажәгьы
ибла дыхгылоуп. Дара, инцәахәқәа, аконтора абарҵа иаалбаан, ашҭа инықәлеит. Х-ҩык ыҟан. Ашоура шыбааԥсызгьы,
ахҩыкгьы акостиум еиқәаҵәақәа ршәын, рыхәдақәа агалстук
қәа ахан.
Амшын иазааигәахо аӡиас аныҟәашәа ишагнархо еиԥш,
рааигәараҵәҟьа даннеи, зны дааҭгылеит, нас ишьаҿақәа
ашьшьышьшьыҳәа еихго иҿынеихеит Сафер. Иблақәа ирыԥ
шышьаз ибарҭамызт Ҭарсхан, аха игылашьеи инапырҟәыҷышьапырҟәыҷышьеи рыла ихаҿы аагара уадаҩмызт уи иблақәа
ирхыҳәҳәалаз.
Адырҩаҽны, иарбан бҳәаса шьапу идыршәшәазгьы
игәалашәоит, еиҭах ааҵәақәа ҩба рызна абҳәаса аарыҟә
шәеит иаҳәшьеи иареи. Рҽада Ҷашьа, наҟ-ааҟ иахшьны
инақәырҵеит. Аӷәра аҿоуҵаргьы иаҿоумҵаргьы зегьакакәын.
Иагәамԥхакәа, ашьапқәа аҵарбаӷьа ианааҭгыла, аӷәрагьы
уаха аҷынқәа ақәԥҵәа, иахьгылоу иеиҭаҵуамызт. Бзиарас
иамаз, иргәыбзыӷны амҩа ианырзықәҵа, аԥхьаҟа агыларагьы аҭахӡамызт, иара ахала ицон. Иашьцылахьан аӡлагарахь
аидара агара. Ахьӡ ззымдыруазгьы, даннахәаԥшлак Ҷашьа
иҳәон. Алахь ҷашьан. «Уара уҽадоуп ҳәала, иара ҳашрыцҳау
еилнакаауеит. Иумбои, шәаб дыҟамижьҭеи, уи иусқәа сара
инасыгӡоит ҳәа, иахьҳацхрааша иашьҭоуп», – лҳәон аидара
нақәырҵацыԥхьаӡа Ҭарсхан иан. Гра бааԥсыс иавырбозгьы,
ианашьцыла, ус ахьыҟанаҵоз иаҳагьы еиӷьыршьо иалагеит.
Ԥшькилометрак инареиҳаны иахьыбжьаз аусҳәарҭеи дара
ахьынхози рыбжьара, кәараҷҷак иахьнырсуаз, ихкаамыз
дәык шьҭан. Ахы акәажь, аидара иаҵақь ишнеиуа, акәараҷҷа
инырны, убри адәҳәыԥш ианнавалалак, аӡәы ақьышә дҭасны
иԥхьеицазшәа, ашырҳәа иаақәҵәиааны, ажра инахыԥан, агәы
каршә аҳәра иналагон адәаҿы. Аӷәра иахеит, афырмахьц
ахырҟьеит ҳәа зегьы башан. Ахы иааҩаханы инарыхәаԥшуан
аҟароуп. Иара агәы иахьанӡаҭахыз иҳәны иаалгаанӡа, амҩахь
ирзаагомызт. Ианашьцыла, даргьы иҟарҵақәашаз рыԥшааит.
Акәараҷҷа ахықәан, аҵла амҵан днатәон Ҭарсхан. Иаҳәшьа
Марица лакәзар, аҳаскьынқәаҵәҟьа аныхҩаауа иаамҭазаргьы,
шәҭқәак лымԥшаар луӡомызт. Иаалымхны днарфыҩуан,
«ашәҭ изаҭахузеи ашәҭ акра» ҳәа, – гәы зҵазамыз, лаф башак
наиҳәон. Уи илафқәа ддыргәаауан Ҭарсхан, аха иаҳәшьа лгәы
иахәон.
Убарҭқәа игәаларшәауа, еихшьалауа абраҟа, шьхатәылан,
ҭынч данрызхәыцуа, Ҭарсхан хазы алкаақәак ҟаиҵеит, иаар
кьаҿ-ааркьаҿны итетрадгьы инаниҵақәеит.
Иара дызҿыз, анцәагьы дыззишаз ауси, нас убри аус, анцәа
дыззишаз ҳәа ииԥхьаӡоз, ихатәы ԥсҭазаараҿы дызҭанаргылоз
дназхәыцит. Аус злоу, аҩызцәа, иҳәеит иажәақәа иаҳауазшәа,
дасу иҭыԥ идыруазароуп. Уи дыршьас иамоу акы заҵәыкоуп,
сшәыкәыхшоуп. Дасу анцәа данишоз, уск дазкны, уск
даманшәаланы, убри уара иудуп, уар иууалԥшьоуп ҳәа идҵаны
дишеит. Аӡәы иџьабаа аҵысхә иаҩызеитәит, даҽаӡәы иԥсы
ахьынӡаҭоу алуқәа дрыҵазароуп. Абри азыҳәаноуп сара адәы
сзықәу ҳәа изыԥхьаӡо аус, иаҳа ииашаны иуҳәозар, аҩусхкгьы,
ухатәы ԥсҭазаараҿы уадаҩрамзар, хьанҭарамзар уаҳа акгьы
узаанагом. Ашәалҟьамреиԥш гәырӷьарак ааузцәыҵыԥхаргьы,
ари уара уақәиҭызтәыда рҳәошәа, амра ашәахәақәа
аарҵәахуеит аԥҭа ӡҭачқәа. Абас ишыҟоугьы, асахьаҭыхҩы
илахьынҵа, иаҳҳәап, Сафер иеиԥш иҟоу ауаҩ идкыланы
уазхәыцыр, Сафер иакәымкәа, шьыцра бзиала асахьаҭыхҩы
иаҳа уиҵашьыцыртә иҟоуп. Алаԥшра умазар, убри илахьынҵа
иаҳа иалухып. Иҟамзааит унхара-унҵыра, бжеиҳан иуҭаху
афатәҵәҟьагьы узиҿамҵозааит ухәыҷы, уԥҳәыс лымшира аҽныҵәҟьагьы шьыҵәрак ашәҭқәа узаамхәозааит,
даҽаџьара дыҟазар, ателеграмма ушьҭырц азыҳәан аԥара
уԥсахуазааит. Зегьакоуп уара Сафер иаҵкыс убеиоуп. Сыгәра
га убас шакәу. Унапҩымҭақәа рзыҳәан ҭыжьшьа рымам ҳәа
уаҳәаны, аҭыжьырҭаҿы уара узыҳәан ашә анадырклакгьы
иаҳа ухы шьҭыхны аҩныҟа уцоит, Сафер иеиҳабыра аниба-
лак аҵкыс. Уи имоу ахақәиҭра – цәала-жьыла хақәиҭроуп.
Аҩбагьы еицуоуртә ианзыҟамла, ухы шьҭых аҩыза, уара иумоу ахақәиҭра еиҳау акгьы ыҟам.
Иҟаларын абасеиԥш иҟаз агәҭахәыцрақәа рыла уи ихала игәы ирӷәӷәозҭгьы. Ҳара уи ҳазҿлымҳахартә иҟоуп,
иԥҽыхазаргьы, аамҭа ҳзырбо саркьа ԥҽыхоуп.
Акраамҭа дрыдгьежьылон, днапырҟәыҷы-шьапырҟәыҷуа
драцәажәон Сафер, урҭ Бақьыр-иԥа Ҳараз икабинет
иаадәылҵны, аусҳәарҭа ашҭа иаақәгылаз асасцәа.
– Шәанаџьалбеит, дасу иҭыԥ издырӡом. Сакәытыжә иԥа
уаҟа иусузеи?! – иҳәеит уахь инаԥшуаз, егьараан унеиргьы
аусҳәарҭа ашҭа иқәубаауаз аӡәы.
Асасцәа раҵкысгьы Сафер иакәын инаԥшуаз иаҳа рылаԥш
зықәкыз. Инеихәаԥшы-ааихәаԥшын, ирҳәо рҿамшәо иаанхеит амашьына днарыцҭалан ианца.
Адырҩаҽны ихы-игәы алаҟаны, дҿаԥха-ҿаччон. «Шәааи,
агәаҟқәа, аԥара шәырҳа! Иаажәга абҳәаса, иаажәга аҳа!» –
жәеинраалала акәын дышцәажәоз.
– Шәысасцәа цама? – днаиазҵааит Марица, лхы шьҭыхны
дзиҿамԥшӡо.
– Ицхлымуа иааз абгасса ирфеит, иргеит абҳәаса! – иҳәеит
иара ажәеинрааланы. Аԥара шаариҭаз, адәахьы индәылҵит.
Адкыларҭа пункт иҵыкка аҭуан амаӡамкәа, ахаҭагьы аҽы
урҩыртә ишыҭбааҭыцәызгьы, иҭәыз, иҭацәыз аиашьчикқәа
рыла иҭәын. Еиҳарак ҩнагылашьа зыҟамыз – ауатка фҩы
ахылҟьо, ҵәыҵәы фҩык ҩнан. Ухлахаҵ аргьежьуан. Ҭарсхан
илаԥш изадымхуа дахәаԥшуан апункт аҩнуҵҟа иҩнаҟаҵаз
ауада кәыкәымдра хәыҷы иҩнагылаз ашьқаԥ. Уи шәҟәыла
иҭәын. Ианигәалаиршәо иахьагьы иахиҳәаара изымдыруа
иџьеишьоит. Сафер уаҟа данықәҵ, даҽаӡәы аусура даналага, шәҟәы цырак ҭамызт уи ашьқаԥ. Ус анакәха, ашәҟәқәа
иара итәын. Ашәҟәқәа дрыԥхьон, ажәеинраалақәагьы
иҩуан. Абаҩхатәра илаҵәҟьаны инаԥхоу, мамзаргьы ибаҩ
хатәра шәалҟьамрак иаҩызаха, иқәыԥшраз иаацәырҵны
инеиқәыхьшәашәоу. Абри аганахьалагь Сафер дизхәыцуа,
иаргьы ихы наидкыланы, нҵамҭақәак ҟаиҵеит убасҟан
Ҭарсхан.
Инарҵауланы уизхәыцыр, егьа дысцәымӷзаргьы, сара
исыцәтәыму уаҩуп ҳәа егьа схы агәра асыргаргьы, ҳахьеи
ԥшқәоу рацәоуп убри ауаҩи сареи. Идырны, дазхәыцноума,
мамзаргьы ԥсабарала мчык инарҟаҵама, ишакәхалак уи
ауаҩгьы, сара сеиԥш, шьоуроуп дызҿу. Иабацәа, урҭ рабацәа,
зегьы ирҳәоит, еихбааланы инхон ҳәа, шьҭа уара уазхәыц
изакә нхарақәаз ирымаз. Иреицәаз ҩнык изаанрыжьит иаб.
Иабду иакәзар, имал-мазара имыхраҿы даанрыжьындаз,
ихы иқәикрын. Иԥсҭазаарагьы имырхит. Сан ибзианы илдыруеит уи шыҟалақәаз. Аусҳәарҭа ашҭаҿыҵәҟьа дыкнаҳаны
дыршьырц рыӡбеит акомҿараа, аха иара иеиԥш ибеиақәаз
акулакцәа ирыцәшәан абахҭахь дрышьҭит. Иранаижьзааит
иабду дахьыршьыз, иранаижьзааит иаб днымха-хымҵәаны
дахьыҟарҵаз, иҩны ахыб иалкәкәо ақәа ахьиҿаҭәо. Иранаижьуам даҽакы. Ихаҭа ахырхәара, амҵақьақьара ахьиқәшәауа.
Дрымҵақьақьаны аԥара ирҳауеит. Ирҳәоит аԥара иԥхьаӡаӡом,
икапануеит ҳәа. Уахәаԥшла мҵақьақьарала ирҳаз аԥара
иаирҟаҵо. Дара, зҿаԥхьа дқьақьо, иаарҳәны, рҿы асаԥаҭ
наҿаҵаны, иара иҿаԥхьа иқьақьо иалаҟаиҵоит. Ишьа иуеит убриала. Аӡәгьы иасымҳәац, џьаргьы егьанысымҵац, аха
сгәаҵа сҭаԥшны исҳәозар, саргьы сышәҟәыҩҩра шьоуроуп
изызку. Егьырҭ зегьы схасыршҭыргьы, исызранажьуам саб
изыруз, исызранажьуам сан аҿар бжьылхуеит ҳәа, лцәа ԥҽны
ашкол аҿынтә дахьыԥхарҵаз. Иадубалазеи, цәгьарас иузнаузеи, уара, Ҭарсхан, асовет мчы, иааҩуа иара иаҿагылоит
аниҳәалак, исҭахы-исҭахым, исзааигәоу ауаа рыԥсҭазаара
азхәыцра салагоит. Сара дысзымԥшааит аӡәы заҵәыкгьы,
џьара акала цәгьарак ззырымуц. Иҟалап сара анцәа сишазар,
убарҭ зегьы ршьа зурц, рҿахәы сҳәарц.
Игәалашәоит, аԥарақәа анриҭоз, Марица лоуп изиркыз.
Акраамҭагьы длыхәаԥшуан аԥара анлиҭоз. Лара дҟаԥшьхон,
дцәышхон, лхы дҩаханы дзиҿаԥшуамызт. Аҽада иахаз анахәҭ
кны дгылан Ҭарсхан.
– Уара, – Ҭарсхан иахь даахьаҳәит, – анҭ, – амгәацәа дуқәа
ҳәа аанаго инапқәа наиирбеит, – амашьына санрыцҭала ҳахь
цаз, ҳазҿыз еилукаарцоума иуҭаху? Ҳабацарыз уара утәала?
Акрыфара. Уаҳа рхы иҭоузеи?! Аҵәыҵәфҩы дәылымҟьои, Ҭарс,
ари спункт? Иаарласны адухь фҩы дәылҟьо иубап скабинет, –
абасҵәҟьа иҳәеит. Ма шаҟа ихы иамхакәачраны иҳәазеи! –
Уахь аус ҟаҵоуп, уи иазыжәуазеи. Даҽа жәабжьк шәасҳәап, –
хымԥада ԥыҭрак ҳамцарц иҭахын. Идыруан закә лаԥшыз Марица дызлаихәаԥшуаз. Иара усҟан даҽаӡәы лзыҳәан ахәыцра
далагахьазаргьы, аухаҵәҟьа дигозаргьы, зегьакоуп Марица
бзиа дахьылбоз игәы иамыхәакәа ҟаломызт, –уажәааигәа
ҭаҳмадак ауардын азнаҵәҟьа абҳәаса иманы дааит. Уаҩԥсы
бзиак иакәын. Садызцалаз, амыждараз, схы иааҭашәан,
«Шәааи, агәаҟқәа, аԥара шәырҳа! Иаажәга аҵәасса, иаажәга
аҳа!» ҳәа, – жәеинраалак аҿаасырхеит. Аҭаҳмада убас
дгәааит, ашырҳәа ицәқәа ааҵиртлеит. Иҟаиҵозеи, деилагама ҳәа сихәаԥшуеит. Ауардын ахы дҩахеит. «Аҩнуҵҟа
иҩнаҳгалап, иаҳкапанып, иҟауҵозеи?» – шысҳәоз, аҳәаса
зегьы лақәырҩны, аҳәынҵәа инылажьны дцеит. «Уԥсы иамоуп, уара иумаз, ухаҭа уакәҵәҟьоуп агәаҟ!» иҳәан, – илкажьны дцеит. Анымха-хымҵәа Сакәыт-иԥа ҳәагьы нациҵеит. Егьа
зундазгьы, ҟәрышьк сызимҭеит.
Даҽа џьоукы ианырҳәалак даргәаа акәым, ихаҭагьы
иҳәон анымха-хымҵәа Сакәыт иԥа ҳәа. Цқьа уазымхәыцыр
иузгәаҭаӡомызт ихы иалихуаз алаф агәаӷ шаҵаҵәахыз.
Рԥара хәыҷқәа уажәы-уажә иԥхьаӡауа аҩныҟа ианаауаз.
– Аиашаҵәҟьа ҟаиҵеит аҭаҳмада! – иҳәеит Ҭарсхан.
– Ааи, аха наҟ иациҵаз зумаҳазеи?! Аҭаҳмада игәы ишалсыз аниба ишԥаҟаиҵеи Сафер? Сминауаҭуп иҳәеит. – Сафер
длыхьчон Марица.
– Ибзеилымкааит акәымзар, аҭаҳмада имацара иакәӡам,
ҳаргьы… Цқьа базхәыци, ҳаргьы иҳаиҳәеит урҭ ажәақәа.
Ихаҭа иакәҵәҟьоуп агәаҟ!
– Ушыҟоу умбои, абзиара унаалаӡом! – илуамызт Марица.
– Ааҵәа иҭаԥсаны аҽада иахшьны абҳәаса ааугар ҟалома?!
Иҟьыцуеит. Ҳрыцҳаишьан идикылеит.
– Ҳара ҳакәым, аха ихоуп абзиара ззиуа, ихы! Аиашаҵәҟьа
ҟалҵеит ҳан дахьылцәымӷу! Ашкол данҭазгьы бжьахәаахәҭран
дызҿыз.
– Сақәшаҳаҭӡам, сара сақәшаҳаҭӡам! – дааҭгылан, лшьап
қәа нкыдылҟьеит. –Сафер ауаа рзыҳәан абзиара ҟаиҵоит.
Дуаҩы қьиоуп.
– Зегьреиҳагьы дыԥшӡоуп?! – иҭаҷкәымқәагьы ааираҵәеит.
–Иаргьы банибалак алирикатә жәеинраалақәа игәалашәара
иалагоит. – Сара исзымдыруа џьыбшьома бзиа дшыббо?!
Ҭарсхан Ҭрамба зыҩра дахьымӡаз аҭоурыхтә роман шаҟа
дазхәыцуаз, уахгьы ҽынгьы шаҟа даргәаҟуаз, насгьы аҩра
инапы алакра шаҟа агәаӷьра ицәыцәгьаз уаҩы ибартә иҟоуп
абасеиԥш иҟоу ианҵамҭа хәыҷқәа рылагьы. Исылшауам,
исзыҩуам, сдыррагьы сбаҩхатәрагьы азхом иҳәауа аҟынӡа
данлеилоз ыҟан.
Узхаану ауаҩы цқьа дузеилымкаауазар, ашәышықәсақәа
раԥхьа иҟаз дзакә уаҩыз еилкаашьас иоуҭарызеи. Абас
дзыҟалазеи, дабаанагеи, изакә ԥашәқәоузеи дызқәиааз Сафер Фасба?
Аԥсуа баагәара акәша-мыкәша санеимдоз, мчыбжьык
аҟара нхаҩ бзиак иҿы сыԥхьон. Изхиҳәааз сгәалашәом,
уахык ҳшеицәажәоз, ус ҿааиҭит. – Ԥхьаҟа ҳәа ихәыцуа, –
даасыхәаԥшит цқьа сазхәыцыр иҭахны, – аҵәасса, иумдыруеи,
дад, абнаҿы зхала ииуа аҵәасса? Убри анаҩсан, дад? – ииҳәарц
ииҭахыз сзеилымкаауа сихәаԥшуан. – Иҽеимыз ацәгьара
ҵаҟа иааникылеит. Хыхь ишьҭит, ауаҩы ихәартә, анцәагьы
игәы иахәартә иҟаиҵеит абзиара. Џьара сеиҭоумҳәааит?! Урҭ
ауаҩы ишьра, ирӡра кәтык ахы ахҵәара ирзаҩызоуп. Ани,
дад, уара узлоу апартиа, уи ишԥаҟанаҵо. Аҵәасса ҵаҟа иаанкыланы абзиа хыхь ахаҳара ацымхәрас, инарҳәы-аарҳәуа
ишыҟарҵо. Аҵәа бзиа ахала иаӡаргьы, амахәҭақәа надҟааны,
ахы аахсаны, реиҳа акгьы зҿамло, иҿалаӡаргьы реиҳа иссоу
аҵәа, аҵәаша нахарҳауеит. Абри азоуп, дад, ҳара иаҳа-иаҳа
шьҭахьҟа ҳазцо.
Излаигәаланаршәаз изымдырӡо, анхаҩ иажәа-маана
игәалашәеит Ҭарсхан Сафер дышизхәыцуаз. Ишԥаҟалеи аби
аԥеи, Сакәыти Сафери рҿы? Имаз, ихӡыз, имал-мазара зегьы
анимырх, шәара ишәҭаху анымха-хымҵәа, азхарамфа, ачычиа
иакәзар, абар дахьыҟоу, дшәымаз иҳәеит Сакәыт. Иҩныҵәҟьа
ахыб ақәбаацыԥхьаӡа, иқәиршәуеит акәымзар, ҿыц ихыбӡом.
Ирҳәоит, акәымжәы акаба, ауапа шкәакәа абырфын хҭырԥа
уҳәа, анкьа ишәиҵоз амаҭәа бзиақәа иахьагьы имоуп, аха
ишәиҵом ҳәа. Иара уиазҵаар акоуп ииҳәауа, аиашаҵҟьа сзы-
руит аколлективизациаан, сбысҭа ҿаҵа сзамымхуа амсақәа
рыҵан снапсыргәыҵақәа, сыԥҳәыс рыцҳа, снапы налыхькьысыр, аҳәҳәага схьушьуама лҳәон. Уажәы, абар, уахәаԥш,
иҟәымшәышәӡа иҟоуп снапсыргәыҵақәа. Зегьы ҳаилагылами,
зегьы акыршыруа саргьы изуеит.
Аҵәаҵәҟьа ҵаҟа иаанкыланы, аҵәасса хыхь ирышьҭыма?
Ишԥаҟалеи анаҩсан? Ҵаҟа иааныркылаз аҵәа иахылҿиаазеи?
Аҩнуҵҟа зегьы хәаԥсаны, адәахьала иуҿаԥха-ҿаччоит уи
иаҿалаз аҵәа. Абри иоуп Сакәыт-иԥа Сафер.
Ашьҭахь цқьа даназхәыцқәа, алкаа иҟаиҵаз дышҩашьоз
ибеит ихаҭагьы. Аха ианҵамҭа мҵәаӷәакәа иаанижьит.
Акәҷарақәа ирхатәоу аҟәарҭ еиԥш, амахәҭақәа хьыдышьшь
игылан Ҭарсхан зымҵан дтәаз аԥсаҵла ду. Ақәаршҩы ауазааит,
еимаҩны асы леиуазааит, уи амҵан еснагь ибахҵәаӡа ишыҟаз
уаҩы ибарҭан. Урыхькьысаанӡа ихәашхәашо иԥыҽҽуан аԥша
иамҵанаԥсаз ашәҵлақәа рыбӷьқәа, ушьапы иаҵаԥыҵәҵәон
алабыҵә ҩақәа. Аԥсаҵла амҵәыжәҩақәа ушаарыҵыҵлак,
ацәаакыра афҩы ахылҵуан адгьыл, иҵәыӷьаны, адгьыл
ақәбаара иаҿыз ҵыԥхтәи ацәырасқәа рылиаара иалагахьан
аҭырас ҟатақәа.
Ҭарсхан иааигәараҵәҟьа алашыбжь геит. Ихагәыбзыӷҿагәыбзыӷуа акәын уи шхышҿышуаз. Ара дыҟоуп, арахь шәааи,
дсыԥшааит ҳәа ранаҳәон аԥшәмацәа. Илаԥш нарықәшәеит
хҩык ахацәа. Ҩыџьа, Ауасцәа хылԥеи Ахьча хылԥеи, Ҭарсхан
дшаарбаҵәҟьаз, ашырҳәа рышьҭахьҟа иаахынҳәит. Руаӡәк,
Саҭбеи, иара ишҟа иҿааихит.
– Уабацаз, иахьантәарак ҳушьҭоуп, – иҳәеит уи дшааидгылаз. – Дааип, дныжьны акраҳфом ҳҳәан ҳаԥшуп.
– Анҭгьы сара исышьҭазма? – Ҭарсхан инапы нарықәикит
анаара илбааны инеиуаз Ауасцәа хылԥеи Ахьча хылԥеи.
– Урҭу?! Ҳа-ҳа! Урҭи сареи уара уеимакны ҳаицәҳаит.
Ҳааԥшны аҩра ушаҿыз анаҳба, ҳаиԥырхагахарым, ҳҭоу
рыхқәак иҩуеит сҳәеит сара. Агәра рымгеит. Ирҳәақәаз
зуҭахузеи. Урызгәаартә иҟам. Аҩыџьегьы рабацәа дырӡхьеит.
Цәгьаҳәарала, ашәҟәеиқәаҵәақәа рзалаҵарала.
Ҳа-ҳа! – деиҭааԥышәырччеит. – Уӡбахә ҳшалацәажәоз,
ахаан сыззымхәыццыз акы ҳаиҳәеит абчараҳ Арушьан. Уара,
саветски власт анааи, иҳәеит уи, аҩышьа, аԥхьашьа ззымдыруазгьы, ҳаидцаланы, аликбез ҳҭаҵаны, аҩышьа аԥхьашьа
ҳдырҵон. Изакә аамҭа бзиоузеи иаҳзааз, ҳаблақәа хнатит
сҳәахуеит. Егьи амыждара ҳдырҵозаарын. Ашәҟәеиқәаҵәақәа
ҩны иналаҵауа, ҳацәгьақәа шеибаҳәауаз ҳақәибахит иҳәеит.
Уи лафны ииҳәаз зуҭахузеи, аха уара ҟәыӷак уоуп Ҭарсхан,
ауаа ирхыргахьоу удыруеит. Нҵамҭақәак аныҟауҵо, дара
ишырбо иануҵалар иаҳа еиӷьзар ҟалап… Ргәы иаанаго иудыруазеи.
Аԥшьбатәи ахы
Еиқәлацәазшәа, насгьы гәеицәыхьшәашәара ҳәа акгьы
рыбжьаӡамызшәа, лафҳәаралоуп ишеиԥылаз.
– Иахьа ашьжьымҭан, ианаацәылашоз, – дҿаԥха-ҿаччо
ҿааиҭит Адамыр, абарҵа санаақәгыла, сыԥшызар, ани аҩны
абарҵа уаақәгылеит. Абар Ҭарсхан. Ҩашьашьа амам. Араҟа
даазгоз аасгәахәт азнык азыҳәан. Ибласаркьақәа, маҷк
иҽаархәашәа игылашьа, ихәда инҭаԥсо ихахәы еиқәаҵәа,
еиҳараӡак узлаздырыз, угәы иалымсын, уныҟәашьоуп, ушьаҿа
рдуны уаԥхьаҟа инеихганы, нас ушьамхы нхарҟәалашәа,
даҽаӡәы иныҟәашьа иалаҩашьом. Шәеиха, аҿар, шәеиха
шьаҿа ҭбаала сҳәеит сыбжьгьы ныҵакны, аха уара сыбжьгьы
умаҳаит, зынӡаскгьы сгәаумҭеит.
Ҭарсхан игәалашәеит, ииашаҵәҟьаны шаанӡа ауада
данаадәылҵ, аҳауа шҿыхьҭааз аниба, дхынҳәны акуртка
шишәиҵаз. Убри иаарласны ишигәалашәаз еиԥшҵәҟьа, еимгеимцарак ала ихы иааҭашәеит Адамыр илаф аҭакс иҟаиҵашаз.
– Сгәы ишԥалсуеи сныҟәашьа азыҳәан иуҳәаз, Адамыр! – «Уара» ҳәа диацәажәон. Аиуара ирыбжьаз адагьы,
иара, Адамыр ицәымӷын «шәара» ҳәа аниарҳәоз. Иаԥсыуа
цәажәашьам, «шәара» ҳәа аҭацеи амаҳәи роуп изҳәо иҳәон.
– Сгәы иалс акәым, иаҳагьы исгәаԥхеит. Убас шьаҿа ҭбаала
ҳшәышьҭамлар хьӡашьас ишәымоузеи аклассикцәа!
Ҩ-ӡиаск неиԥылар еиԥш, иахьааиԥылаз иаанхеит рыла
ԥшқәа. Адамыр идыруан ажәа «аклассикцәа» ҵакыс иеиҭаз
Ҭарсхан. Сара сҩымҭақәа рзыҳәан ҭыжьшьа рымам ҳәа
изныкымкәа арецензиақәа уҩхьеит, ԥынгылада иҭыҵуеит
уара иаауҩуа зегьы, уи сара акгьы ахысҳәаауам. Сара
исазҵаауазар, иҭыжьтәым сара сҩымҭақәа ракәым, аха уара
ухаҭа иуҩқәо роуп, уабатәи классику, ус сҳәоит, избанзар ус
иаԥуп.
Урҭ реизыҟазаашьа шизымдыруаз еиԥш, реицәажәашьагьы
ахы ахьцоз иахьаауаз шизеилымкаауаз аниба, аҷапырхәа
ахаҵаны иикыз илашәарыца иварԥало, еизныжьны иҩызцәа
рахь дцеит Саҭбеи.
– Шәласы, шәласы, абиԥара қәыԥш, иаҳзымдыруа, – Пушкин иажәақәагьы еиҭаганы иналеиҵеит, – аха ианамуӡах ма
аԥсшәа ҳашәҳәала! – макьанагьы иԥибашәон рылаԥшқәа.
– Иудыруеит, саншьа ду, сукәыхшоуп, ажәытә ажәабжьны
ирҳәоит. Аҳ данеимса, ихәҭаз, иҳәатәыз «Хаир, абзиара уанаҳәааит!» – имҳәазаап ақьаҳиа. Ҿымҭ амаҵурҭа
дныҩналеит, – иҽынкыланы, ҭынч иажәа наигӡон Ҭарсхан. Аҩра
мацара акәым, цәажәарала ажәабжь аҳәараҿгьы ушьҭахь сгыларц шысҭахым удыруаз аҳәон уи ицәажәашьа. Уи ибзианы
иеиликаауан Адамыр. Иаҳагьы игәы иахәон. – Абыржәыҵәҟьа
дыкны даажәга ақьаҳиа чычиа, аҟамчы ԥҵаҵа дыҵышәх,
ихы саҭәашьаны сара санеимса хаир ҳәа сазымҳәаз иҳәеит.
Дгәааӡеит, деимырхха дыкны дааргеит ақьаҳиа. Уара, ачычиахша, иарбану хаир ҳәа зсоумҳәаз?! – днаиқәыҵәҟьеит аҳ.
– Иеиҳәарц иҭахӡаҵәҟьамызт, аха уажәшьҭа ишԥаҟаиҵо,
даҿашәеит, – Адамыр инациҵеит, уи ажәабжь иаргьы ишидыруа ирбауа Ҭарсхан, – игызмалра дыҿнахроуп.
– Мап анакәха, аҟамчы изыԥшуп. «Саҳ ухаҵкы, ҿааиҭит
ақьаҳиа, уара уанеимсаз, ишудыруа, шаанӡа амаҵурҭа
саадәылҵуаноуп. Сҿы-снапы смыӡәӡәацызт. Сҿы-снапы
мыӡәӡәакәа саҳ дуӡӡа иҿаԥхьа цажәашьас исымаз», – иҳәеит.
– Аҳ ихы иамхабзиарагьы уиала иааихәаҽит. Ани, аклассик ҳәа ансоуҳәа, сара схы самхабзиара уара ишааухәаҽыз
еиԥш…
– Сара ииашаҵәҟьаны шәҟәыҩҩы дус усыԥхьаӡоит, Адамыр Алмасхан-иԥа, –иҳәеит Ҭарсхан. Уаанӡа «аклассик»
ҳәа ииҳәаз иаӷьцәаны исҳәазар ҟалап ҳәа дегьынахьхәит.
Зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы, ииашаҵәҟьаны иҩымҭақәак
шигәаԥхо, насгьы ибзиарақәа иду шихамышҭуа иирдырырц
иҭахын. Шьыжьхьа еицаҳфап аниҳәа, ҩынтә имырҳәакәа
дақәшаҳаҭхеит Ҭарсхан. Ашырҳәа днеин, изымԥшырц дара
акрырфарц ахьшьцәа-шәарыцаҩцәа инараҳәаны, аминауаҭра
нышьҭаҵаны, Адамыр дахьыҩназ ауадахь днеит. Уи ихәы аазгаз аԥҳәыс длыҳәеит даҽаӡәы ихәы аалгарц.
– Уажәааигәа, – уаанӡатәи рцәажәара инациҵеит Адамыр.
Шьыжьхьа рфарц ачыс-еишәа инадтәалеит. Ҭарсхан амлагьы
дакуан, аха Адамыр асеиԥш дахьимбацыз аҟнытә, инхашьаинҵышьа инаркны, иааиҳәозгьы ажәак иаҩмыжьуа, зегьы
цқьа дрыхәаԥшырц, цқьагьы абраҟа, шьхатәылан зырахә зманы итәоу хьшьцәақәак рҿы сыҟан. Изхаҳҳәааз дизыӡырҩырц
иҭахын. Уаанӡагьы уи иҳәамҭақәа акык-ҩбак аниҵақәахьан,
– сгәалашәом, уажәраанӡа иуҳәоз, абни ақьаҳиеи аҳи
ражәабжь аацәыригеит аӡәы. Иҳәаны даналга, сара ӡынӡаск
сызлазымхәыцӡацыз аганахьала дазхәыцуазар акәхарын,
хьчак ус ҿааиҭит. «Реиҳа аус злаз умҳәаӡеит». «Уи иарбану?»
Аҳ данеимса, ақьаҳиа хаир иҳәарц азыҳәан иҿы иӡәӡәахьазу
имыӡәӡәацзу ракәмызт аус злаз, аҳ дхызхыз уи акәӡам. Аҭак
шԥаҟаиҵеи? Аҟамчы уҵхзар акәын иуқәнагоз, аха иҟәышны
уахьцәажәаз азыҳәан иуанасыжьуеит иҳәеит. Аа, иубома,
ауаҩра злаз аӡәы иакәын аҳ. Уи ауаҩы дзыԥсоу идыруан,
ихшыҩ пату ақәиҵон. Иуаҳау, уазхәыцу, Ҭарсхан, ҵара змам,
ахьча ахы ахьирхаз ари ажәабжь? Ииаҳгап уареи сареи
ҳаимак ашҟа. Сара сгәы иалам џьушьома…
Ҭарсхан ҿимҭӡеит. Адамыр ихала иҳәар иҭахын. Уи
иҿаԥхьа дзымцәажәо, ибз ихәлашәо аҟынӡа даныԥхашьоз
аамҭа дацәцахьан. Уаҟа аԥхыӡ далызхыз изаҩызахеит
иҩымҭақәа рзыҳәан Адамыр ииҩыз арецензиақәа. Акы
акәым, зныкгьы акәым. Даныхәыҷыз, Адамыр рыҩны даннеилак, акамфеҭ ииркыргьы иҭабуп изымҳәо ибз ихәлашәон,
убасҟак дицәыԥхашьон. Даныҩеидас, ашкол аҿы иҩымҭақәа
рҵауа, арҵага шәҟәқәа ирнымызгьы дрыԥхьауа даналага, уи
иҿаԥхьа ацәажәара иаҳагьы ицәыцәгьахеит. Шәҟәыҩҩык
иаҳасабала Адамыр имаз ахьӡ-аԥша иаҷыданы Ҭарсхан
изыҳәан даҽакгьы нацлеит. Рыҩнаҭаҿы уи иӡбахә лассы-
лассы иалацәажәон. Иӡбахәгьы иалацәажәалон, ихаҭагьы
дырҭаақәахьан Ҭарсхан иаб дҭаркаанӡа. Уажәы даназхәыц
иеиликаауеит урҭ аҩхацәак, зҵара маҷыз, рқыҭаҿы абригадирра ада маҵура иахагыламыз иаб анхаҩи уи ашәҟәыҩҩи
аиуара-аиҭынхара ирыбжьаз аҵкысгьы даҽакы ишеиднакылоз. Ар хәҭак аҿы еиқәшәан, аибашьра еицыҟан аҩыџьегьы.
Еиҳараӡак Адамыр иӡбахә иалацәажәауа, ихаҵкы кадыр
шәуамызт Ҭарсхан иаб данҭарк инаркны. Усҟан уи иааир
ԥшыз аҭынхара, аиҩызара, еиҳараӡак агәымшәара, иахьа-
гьы иџьеишьоит Ҭарсхан. Ихаҭа иԥсҭазаара ашәарҭа иҭаир
гылеит.
– Ибзианы исгәалашәоит, – ҿааиҭит Ҭарсхан. Иџьеишьон
иацәажәара ацәыԥхашьара дахьаиааиз. Уи аҿы ицхрааит
агәала имаз. Иҩаиханы даашьҭнахын, Адамыр днаиванаргылеит уи агәала. Даҽакала аҭак аҟаҵашьа имамызт. Дҿазҳәоз
рацәан, – ибзианы исгәалашәоит, усҟан ҳқыҭан, Аԥсара ашкол сҭан, фба рҿы стәан. –Иҳәашьагьы убас иҟаиҵеит, ҳазҿу
аусқәа рҿы ҳахьеишьашәалоу аамышьҭахьгьы, қәралагьы
ҳаиқәлацәоуп ҳәа еиҳәарц иҭахызшәа. – Уара иудыруеит
ҳара ҳҳабла. Анхацәа бзиақәа нхоит. Аха ауаҩы ухы зухьчозеи ҳәа аҽԥныҳәа иҭашьас иамоузеи! Рхы рыхьчагәышьон.
Бжеиҳаџьара, сани саҳәшьеи ракәым, сара ахәыҷгьы рашҭа
сҭалар рцәымӷын, рхәыҷқәа срыцыхәмарыр руамызт. –
Аибашьраҿы мацара сара дшыздыруаз дырдыруандаз
уаб нас… – иажәа наимыгӡеит Адамыр. Дҩагылеит. Ауада
ҭбааҭыцә аҿы даалеиҩеит. Аԥенџьыр иадгылан дызхатәаны
дыҩуаз, инапҩымҭақәа зқәыз астол. Днадгылан, ажәақәак
ақьаад инаниҵеит. Аҭаҭын дахо днатәеит. Ҭарсхан уи аҭаҭын
дахо димбацызт.
– Изхысҳәаауа, аҳаблаҿы мацарагьы сашьцылахьан атроцкист иԥа шәицмыхәмарын ҳәа сҩызцәа хәыҷқәа иахьрарҳәоз.
Уи сара сзы иҿыцмызт. Азгәаарагьы саҟәыҵхьан. Убри аҽны,
ашкол ашҭаҿы ҳшыхәмаруаз, еимаҳкыз анцәа идырып, сҩыза
хәыҷыки сареи ажәа ахьааимаҳкыз «уара, атроцкист иԥа!»
ҳәа, – анааҿиҭ, убри аниҳәо ҳәа сыԥшызшәа, «ҳаҩны иҟоу
дудыруандаз, ашьыцра уагон» ҳәа ҿаасҭит. Ари заҳаз, еиҳау
аклассқәа рҿы итәақәазгьы ааҳадеизалеит». «Шәыԥшы,
ҳаҩны иҟоу иҳәахт! Шәара шәыҩны инеиуада, уара!» ҳәа,
–инасықәрыԥсеит. Усҟан, ишыжәдыруа, сан ашкол аҿынтә
дыԥхарҵахьан. Еиҳараӡак уи азыҳәан акәын ашкол аҿы зегьы
изырдыруаз саб дышҭакыз. Ҳара дсасны хымш раахыс иаҳҭоу
шәара шәнаԥшынгьы дшәымбаӡац. Ихшәыртлеи шәырҵага
шәҟәқәа, шаҟаџьара иану жәбап Адамыр Арҭанба ҳәа. –
Усҵәҟьа акәымзаргьы усҟан ишиҳәаз, уажәы иара иҭахын
ишиҳәаз еиԥш акәзарц. – Ааи, иҳаҳахьеит, ҳаԥхьахьеит,
иаҳҵахьеит, – рҳәеит, сҩызцәа хәыҷқәа. Убри ашәҟәыҩҩы,
бавшьвебо, – сҳәан қырҭшәакгьы наласҵеит. Ишудыруа,
усҟан аԥсуа школқәа аркын, қырҭшәала акәын аҵара шаҳҵоз.
Ҳҩызак аҵәы илаҳҵарц ҳҭахызар, дҳаргәаауазар, мамзаргьы ҳаихыччозар, бавшьви ҳәа изҿаҳҭуан, – убарҭ ишәҵо
ажәабжьқәа зҩыз, бавшьвебоо, ҳара ҳаҩны дыҟоупе-е ҳәа,
–инаргәыдысҵеит. Шаҟа сахыҽхәаны исҳәаз ухаҿы аагара
уара иузымариоуп. Саб атрацкист ҳәа дҭаркны, сан атрацкит иԥҳәыс ҳәа арҵаҩра даҟәырхын, ашкол ашҭа аҭалара
азин лымамкәа дамырххьаны акәымкәа, сабгьы амаҵура дук
ирҭазшәа, сангьы убарҭ ахәыҷқәа ишыдлырҵац идлырҵозшәа
акәын сгылашьа шыҟаз, исԥшышьаз. Ахәыҷқәа, иудыруеит, ауаҩы ирыцҳашьара рыздырӡом, игәы ԥжәоит, дыԥсуеит
ҳәа иҟаӡам. Ахәыҷқәа ҳәа, сара исықәлацәаз, исеиҵбацәаз
ракәым, аиҳабыра классқәа рҿы итәазгьы, иаҳҳәоз анраҳа,
иаҳа зеилкаара ыҟаз, сара сҭагылазаашьа здыруаз, ари рыцҳа,
ихы еивысма ҳәа исыхәаԥшуеит. Ҳара збиографиа ҳҵауа,
зҩымҭақәа ҳашәҟәқәа ирну иакәым, иреицәоу аџьмахьчагьы
зыҩны дымнеиуа, шәара шәҿы аума дахьнеиуа, ҳара ҳаума
иужьауа ҳәа исыхәаԥшуеит, ицәыҵаччауеит. Сара ирасҳәеит,
дыҟоуп убри ашәҟәыҩҩы ҳара ҳаҩны ҳәа. Дназгазеи ҳәа
аӡәыр дсазҵаазшәа, дназгазеи шәымбои, сара сан ланшьа
иоуп, ааи, сан, Марушьа Маҳмеҭ-иԥҳа, бавшьвебо, – сҳәеит
ашкол аҿынтә дахьыԥхарҵаз, уаҳа рҵаҩыс дахьрымам убарҭ
ахәыҷқәа ирхароушәоуп ишысҳәогьы.
Ҭарсхан игәеиҭеит ииҳәауаз агәалашәара даҽа гәала
шәарақәак шизнарҿыхаз Адамыр. Илымҳақәа кыдҵа дши

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3320Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3287Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3310Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3343Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3305Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21960.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3387Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3382Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3392Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3405Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23550.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3386Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23030.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3410Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3265Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3370Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.