Latin

Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11

Süzlärneñ gomumi sanı 3391
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Даҽа хшыҩҵакыкгьы иҳәеит Адамыр усҟан реицәажәараан.
Уи ахшыҩҵак Ҭарсхан ианиҵеит, аха убраҵәҟьа инациҵеит
дшақәшаҳаҭым, агәра игарцгьы шиҭахым. Иара, Адамыр
Арҭанба, ихаҭагьы ихы налеиҵеит. «Дырмит ду иаамышьҭахь,
– иҳәеит уи, – ҳарҭ, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы еицаҳзеиԥшу
гра дук ҳамоуп. Зҿахәы ҳҳәарц ҳазҿу ажәлар рҭоурых

ҳаздыруам. Иҳадмырҵеит. Уи ҳара иаҳцәырҵәахит. Иакәым
аҟаҵара иаҿын, уажәгьы иакәым ҟазҵақәо џьоукы-џьоук, асовет мчи апартиеи нас ҳарҭ ажәлари ҳаидырсырц иҳабжьоуп
уаа мҽеиқәак».
Амҩақәа ахьеихагалоу днанаганы, иарбан мҩоу дызнылара изымдыруа акырынтә дықәхахьан Ҭарсхан. Аинститут
даналга, далаԥшыр акәхеит, иқыҭахь, иан дахьынхоз дцаны, рҵаҩыс аус ахьиулаша аҭыԥ ыҟамзаргьы, анхара-нҵыра
далагару, мамзаргьы даҽа қыҭак ашҟа усура дцару. Иҟан
даҽа мҩакгьы. Иԥшәма ԥҳәысгьы иаҳа илҭахыз убри акәын.
Лара лани лаби ахьынхоз Саратовҟа ацара. Уи дыхнахыртә
излаҟаз, џьаргьы аус имулаӡозаргьы дныҟәыргартә иҟан
иабхәараа. Даҿызааит ишәҟәыҩҩреи инаукатә ԥшаарақәеи.
Дахьылакҩакыз, иахьиҳәаӡаз мацарагьы убасҟак лгәы иалсит
иан, шәаџьҳәаҩык дылҭаазшәа, инеималҭәеит.
Иааркьаҿны, иаарласны иӡбатәыз мҩан уи. Иҟан знык
иӡбаны салгеит аниҳәалак, игәы анирҭынчлак, еиҭах иаа­
цәырҵуаз. Шаҟантә дазхәыцхьоузеи, сызхымԥо абри ауп ҳәа
шаҟантә иҳәахьоузеи, аха иауамызт. Еиҭах ахы ааӡырнагон.
Уи дызҿқәоу, инаукатә ԥшаарақәеи, кьыԥхьшьа амам зҳәауа
арецензентцәа раамышьҭахь даҽаӡәы изымдырӡо, имаӡаусха
дызҿу ишәҟыҩҩреи, нас Виқтор Ҭахәыц-иԥа имҩеи. Шаҟаҩы
иарҳәахьуозеи убри, аҩбатәи амҩа данылар, имҩа каххаа ишаатуа. Уажәааигәагьы даҽазнык иҳәахит иара, Виқтор Ҭахәыциԥа ихаҭагьы. «Зынӡаск уиас сара сахь. Уажәы иҟауҵо ада
ҟаумҵозаргьы иазхоит. Уаԥхьаҟа ҳуцхраап». «Усыцхраа акаҿы –
сан, сҭаацәа, сара ҳахьыҩналаша уадак сыҭ, уаҳа акгьы сҭахым».
Виқтор Ҭахәыц-иԥа иусқәа дышрылахәу, уии иареи
шеидҳәалоу араҟа, ашьхақәа рыгәҭаны издыруа ҳәа иҟоу аӡәы
заҵәык иоуп – Адамыр Арҭанба. Уи даҽаӡәы иеиҳәа акәым,
дара анеицәажәогьы изымдырӡошәа ҟаиҵоит, иаҳарцгьы
иҭахым. Иеиҳәаргьы иамоузеи. Ҵарауаҩуп, аҭоурыхқәа
срышьҭоуп ҳәоуп араҟа ишырдыруа. Ихала иеиликаауеит.
Анаара дылбааны, ҵаҟа, арҩаш ашьҭыбжь ахьынтәааҩуаз
ашҟа днеиуан. Саҭбеии иареи анааиԥырҵ, акраамҭа ицрыҵуа­
мызт ивагьежьуан алашәарыца.
– Ҳшәарыцаҩцәоуп, уаргьы саргьы ҳшәарыцаҩцәоуп. Уца,

уфҩышәа, ашьҭақәа урхыла, саргьы снаԥшы-ааԥшлап, – ахы
ааишьышьит. Иуҳәаз саҳаит аҳәозшәа инеидҟьан, аԥшәма
ишҟа ихынҳәит. Иаргьы аҿыҭра даҿын «Ҭарс! Ҭарс!» ҳәа.
Ажәҩан хыла иҵнаԥссо, агаҿа аганахьала зҽышьҭызхыз
ашьха, ицәыҳәҳәӡа, ихаҳә еиҟәыԥԥараха иааԥшуан. Ахыц­
қәа инаркны маҟҿаҳәаранӡа аҟара амра аҿаԥхон. Амра
аныҟәашәа еилукаарц уҭахызар, ашьха уаҿаԥшла. Ашәахәақәа
ҵаҟа илаҟәыцыԥхьаӡа, ахаҭа ажәҩанахь иҳаракхоит. Аҳауа
ҿыхьшәашәаан. Арҩаш зҭыҩры ицоз аиҩыхаара иҵаӷаӡа,
иласӡа, аԥҭа шкәакәа иеиԥшха ахылҩа-ԥсылҩа ҭачын.
– Издыруеит, ҳҵарауаҩ, издыруеит уара уус, – иҳәеит
ишьҭахьҟала ихьӡаз Жәраб-Зегьраб. Днаивсны иҿынеихеит
дыццакы-ццакуа. Дахьишьҭаԥшуаз аччара дакуан Ҭарсхан.
Ишԥаҟасҵари, сарӷьарахь игылоугьы среихырхәалароуп, сармарахь иҟоугьы. Аус злоу, урҭ рыбжьара угыланы, уара иуҭаху
быжьԥааны агароуп. Аха уи иаанагом уара угәы нсырхарц
сҭахушәа, уаргьы абзиара узыҟасҵоит аҳәон уи иныҟәашәа.
Иаԥхьаҟа дышнеиуаз, акы игәалашәазшәа дааҭгылеит. –
Аҩыза, уахьыҩноу уабартә иҟоума макьана? Уахакгьы иаачҳа
сукәыхшоуп. Абри ҳасас дааны, лоума, ҳәоума ииҭаху шьны
дцар, наҟ даҳԥырҵыр, нас уаҩҵас ҳааухылаԥшып.
– Адиректор сара сиацәажәап. Иаха сызцыҩназ уаа
бзиақәоуп, аха иҟоу уиоуп, сара ашьжьымҭан, ашара адәы
иқәлаанӡа, ианамуӡах ма уахынла, ақьаад акы нанысҵалароуп,
– иҳәеит харак идызшәа Ҭарсхан.
– Угәы иалымсын, аха уанаџьалбеит, изҭахыда уара ақьаад
иануҵо. Аҳауа цқьа, аӡыхь хьшәашәа, афара-ажәра… Макьана
шаанӡоуп, уажәыҵәҟьа, ашьхымза ашьхыцқәа анҭыппуа еиԥш,
арҭ аҩнқәа рдәылыппра иалагоит аҳәсахәыҷқәа, унаԥшны
аӡәы даалх. Иабоуҭаху аҩрақәа узҿу.
– Иахьатәи амш қьаф алоура ацәыскуам сара, Зураб,
аха уаҵәтәи амшҳәагьы акгьы ыҟаӡами? – иҳәеит Ҭарсхан
ацәажәара шиҭахымызгьы.
– Иҟоу иахьоуп, Ҭарсхан, иахьа. Сыццакуеит, аҟаҵатәқәа
рацәаны исымоуп акәымзар, уи азыҳәан иуасҳәақәаша сымоуп. Зҵаарак усҭоит, иааркьаҿны, иаарласны аҭак сыҭ. Хәаџьа
Шьарадын иџьмақәа еимҵәаны ирыма иандәықәла, иаргьы

џьмак дамҵасит иҳәеит. Иахыччаноуп ари алаф шырҳәо. Сара
уи акырынтә сизхәыцхьеит. Ҟәыӷа дус дсыԥхьаӡоит, ииҳәаз,
иҟаиҵаз сықәныҟәоит. Ишԥаиурыз, исаҳәишь, аҩыза? Имч
рықәхом, иџьмақәа еимҵәаны иргоит. Иаргьы, ианамуӡах,
данеимырҵәах, џьмак игар еиӷьу, зынӡа аӷәыцәҳәы дықә­
тәар еиӷьу? Уара удагьы араҟа иаақәлахьеит аҵарауаа,
ашәҟәыҩҩцәа, аа, думбеи Адамыр Арҭанбагьы дааны дыҟоуп.
Шаҟаҩы ирасҳәахьоузеи, шәаргьы џьмак ахы кны шәаахар
иаҳа ишәзеиӷьуп ҳәа.
Дшубақәо дыҟамзаап ари. Уаҩ дзырхәыцша ахшыҩҵакқәа
иҳәеит. Иҵегьы иацәажәатәуп ҳәа игәы дынҭахәыцит Ҭарсхан.
Сҭоурыхтә роман аҿгьы дзыҟамларызеи абасеиԥш иҟоу
ауаҩ. Аԥсны агәҭа еиҩшоуп. Ахаҳәтә баагәара рыбжьыргеит.
Мраҭашәарахь империак аҳра ауеит, амрагыларахь – даҽакы.
Ари ауаҩ иеиԥшу аӡәы, урҭ рыбжьара дыбжьахеит. Иара ииҭаху
акоуп, урҭгьы акы ахьырцәигаша, егьырҭгьы. Иазхәыцтәуп,
иазхәыцтәуп изыҟаиҵо ус, усгьы уажәшьҭа Ԥсадгьыл сымам,
еимырҵәеит, саргьы сыхәҭак алызгар иаҳа еиӷьуп ҳәа, игәы
каҳаны акәу, ԥсабарала зыԥсы мҭәуа аӡәы иакәу? Ԥсабарала
ус дшазар, аԥхьаҩ акгьы инаҭом.
Иаԥхьаҟа данаанаскьа, еиҭах дааҭгылеит.
– Адиректор дуҭахума? Иуасымҳәеи, сара иузыҟасҵоит
хазы ауада, иахьак исараӡа. Адиректор уара уибо дыҟоума?!
Шаанӡа Аҟәаҟа дцеит. Ауараш, ашампански… Пепси-Кола
зжәыр сҭахуп иҳәар ишԥаҟауҵо?! Схы еилагоит, схы. Уахьнеилак акы нарҿумшьыкәа, акгьы урҭаӡом. Хәаахәҭрахеит,
еимҵәарахеит. Уажәааигәа араскладушкақәа аазгон. Азавсклад, жәаба смашьына ианнақәиҵалак, акы аахихуан ихазы. Иумҭар, иуиҭаӡом. Уажәшьҭа ухы кны ухәыцла, списат
злаҟасҵарызеи ҳәа?! Уи изууазеи! Иахьа, иахьа ҳанеиқәха…
Схы ԥҽтәуп, уара. Сыбз ҭаскызҭгьы, ашьшьыҳәа сыҟамзаауаз.
Араиком аҿы Виқтор Ҭахәыц-иԥа ҩымш хымшҟа иԥсы
ишьарц, дшәарыцарц днеиуеит, иифаша, иижәыша,
шәарыцара иццаша шәрызхәыц аниҳәа ҳраиком, игәы
змыр­ҿыӷьшагьы ҳазхәыцроуп ҳәа иаасҿыҵҟьеит. Аҟыԥҳәа
убри днахьынҳалеит араиком. Аҳәса изыԥшаара уи шәара
ишәусым, иахьынӡаздыруала, уи иазку даҽа џьоукуп, шәара

акранифо игәы ҟазҵаша, ажәабжь бзиақәа иазҳәаша, быргк
ҟәыӷак, акыр здыруа, акыр зхызгахьоу дизышәыԥшаароуп
иҳәеит. Убас аниҳәагьы усеиԥш ауаҩы ашьхақәа рыгәҭаны
дабаҳаԥшаауеи, ахьшьцәа хшыҩцажәқәа рыда аӡәгьы
дахьыҟам сҳәар сызкыдаз. Ара дыздыруеит усеиԥш иҟоу
ауаҩы сҳәеит. Иаҳзаамгаз, зыӡбахә ҳалацәажәоз, Бақьыриԥа Ҳараз.. Уакә-сакәзар, убри иҭоурых сыҩуан, аха Адамыр
иҩхьеит ҳәа саҳауеит. Иҩхьазааит, уара даҽакала иҩы. О, уи
ихигахьоу удыруоу?! Аҵыхәтәан зегьы игәы рыхшәеит. Ауаагьы, дызҿыз аусгьы. Ихы ҿаҳәаны дықәҵит.
Бақьыр-иԥа Ҳараз ихьыз, ԥсыхәа ахьынӡамоу, иара ихахьы ииагауа, акраамҭа иӡбахә далацәажәон Жәраб. Еиҳарак
днақәыӷәӷәон Бақьыр-иԥа Ҳараз ауаа игәы шрыхшәаз атәы
аниҳәоз. Угәы зхымшәаша роума. Уахгьы ҽынгьы умтәаумыцәа акы срыхәандаз, бзиарак рзызундаз ҳәа уашьҭоуп.
Дара, иҭабуп ҳәа уаҳәара ацымхәрас, иааҳәны шьапҿаршә
узыруеит, угәы иҭажьцәоит. Абри атурбазаҿы қьачақьс аусура
далагеит раԥхьаӡа. Нхыҵынтәи Аахыҵҟа иаауа, Аахыҵынтәи
Нхыҵҟа ицауа, ҩаха хаха рыԥсы ааиҭаркырц абраҟа ианаангылалак, ргәы умырҿыӷьыр ами?! Ашәаҳәара, акәашара,
ахәмаррақәа еиҿкаатәуп. Ҩбаҟа сезон убри даҿын. Атуристцәа
рымацара ракәым, атурбаза аусзуҩцәагьы дыргәаԥхеит.
Гәыкала, иара иҳәашьа, от души работал. «Ари еиӷьу еиҳау
аҭыԥгьы даԥсоуп» ҳәа, – иааиҿыҵҟьеит абарҭ атурбазақәа
зегьы иреиҳабу аӡәы. Аа, абыржәы дахьыҟоу аҭыԥ ашҟа даниаргазоуп. Уи акәхеит. Аҵаа зысыз аҵла абыӷьқәа анкаԥсо
еиԥш, еишьҭарххы рҿыҩархеит ашшыԥхьыӡқәа. Иашшқәоз
зусҭцәада? Реиҳа абзиарақәа ззызухьаз. Убри ауп Бақьыриԥа Ҳаразгьы ихьыз.
Уи ихы-иҵыхәа дахьалацәажәоз аҟнытә, Ҭарсхан иџьа­
шьаны, ихамышҭырц ақьаад ианҵатәуп ҳәа ииԥхьаӡаз акоуп. Излаигәалашәоз ала, Бақьыр-иԥа Ҳараз изкыз, Адамыр Арҭанба ииҩыз ашәҟәаҿы уи аҩыза афакт џьаргьы
иҳәамызт. Иҟалоит даҽа џьоукы ианырҵазар, абри, Жәраб
иеиԥш иҟақәоу, абзиара ашьҭахь бзиар ыҟам ҳәа ихәыцқәо.
Ауаа ирыдкыланы, ииаашаҵәҟьаны иуҳәартә иҟоуп абзиара
ашьҭахь бзиара ыҟам ҳәа. Аха рыцҳарас иҟалаз, ани, абзиара

ду ҟасҵеит ҳәа изыԥхьаӡо, ииашаҵәҟьаны иахьынӡабзиароу
ихаҭа издыруам, аӡәгьы иаахтны иеимҳәеит. Ишизныҟәаз
умбои, ихы игәы ахшәаны дықәҵуа дҟарҵеит Нестор Лакоба
ихаҭа деиқәзырхаз ауаҩ. Дахьиҩызаз, дахьивагылаз, «Кьараз»
дшалаз, ҳарҟәаҵып зегьы, аха уи ауаҩ, данқәыԥшӡаз, жәаф
жәибжь шықәса анихыҵуаз, Нестор Лакоба иԥсы аиқәырхара
далахәын.
Сара сеиԥш иҟоу, аҿымыӡәӡәақәа, зыбз ада зыхәлам,
ҳанбаидикыларишь ҳәа иԥшны икабинет аԥхьа итәон, даҿын
Жәраб. Уажәы сара снапы даныԥшылоит.
– Ишԥа, араҟа аус иуама?
– Иабатәи усуроу! Уаҩ дибарц иҭахӡам, аус злеиуа­
зеи, Ҭарсханхеит. Шьапыла уцозар, абарҭ ашьхақәа уахьы­
нархыҵуа, Ԥсҳәы акалҭ аҿы дынхоит. Машьынала уцозар,
уакәшаны унеироуп. Уи закә ҭыԥузеи?! Ԥшьба хәба мза
асы шьҭоуп. Иифозеи? Изҭода? Ҳа-ҳа-ҳа! – дааччан, аӡәы
иаҳауамашь ҳәа дегьаанԥшы-ааԥшит. – Аӡы иагоз дыччон ҳәа,
абасҟак дақәшәеит, аха зегьакоуп, усҵәҟьа игәы камҳацзаап,
лафқәакгьы иҳәалоит. Ҳараз, иуфозеи, уԥсы злаҭоузеи ҳәа
снаиазҵааит зны. Сара сышьтәуп, уара. Аӡәы сабаихәари
ҳәоуп сшыҟоу. Аха ауаа исанармыжьуа уасҳәап? Аповышение соур ҳәа ишәаны изысзашшуаз удыруоу? Дара сахьрыхәо
– бзиоуп, мап ацәыркуам. Аха иуанарыжьуам уаргьы ухы
уахьахәо. Ҳара уҳацхраала, аха уара бзиара ҳәа акгьы алумган. Сара, что, суаҩӡами?! Акрыфара сҭахӡами?! Уи иазууазеи.
Ҭагалан иасакьаҳәымҭан. Ԥсҳәы, иудыруазар акәхап, акакан
рацәоуп. Сҩызаки сареи, аҽқәа ааҳаԥшаан, акаканҟәшәара
ҳцеит. Ҳшеимдоз, ааҵәақәа ҳарҭәырц егьҳагымкәа, араҟа
уаҩ дынхом, каканқәак гылазаргьы, бнаҳәамзар акгьы иафом
ахьаҳгәахәуаз, ҳаԥшызар, арҩаш анаҩс, ԥсаҵла дуӡӡак амҵан,
ҟәарч ҩнык гылоуп. Иџьаҳшьаз, аҩны ҿыц иҟаҵан. Ҿыц ахьӡми,
ааигәа ишыҟарҵаз ҩашьом. Уажәы, ишудыруа, зхы изахәо зегьы ақыҭақәа кажьны иқәҵуеит. Дызусҭада араҟа дааны инхаз ҳәа ҳкылаԥш-кылӡырҩуа ҳанкылсит. Шьарда зықәрахь
инеихьоу, аха макьанагьы иблақәа цымцымуа ҵлаҳәысҭак
дыҩнатәоуп. Ашәҟәы даԥхьоит. Дҳаигәырӷьаз џьушьома?! Игәы
ԥаҳҵәахьоушәа, арахьгьы шәсышьҭаланы шәаама, здаракәац

нҵәаша ҳәоуп дышҳахәаԥшуа. Аԥсшәаҵәҟьа ҳаимҳәеит.
Шәааизар ишԥаҟасҵари, шәсыздәылцом, шәаатәа. Иеибаҳҳәаз
зегьы зышәҭахузеи. Иуфозеи? Аӡынра узлаӷыҵсуазеи ҳәа
снаиазҵааит. Ҳа-ҳа-ҳа! – деиҭаччеит Жәраб, еиҭа даа­
наԥшы-ааԥшит. – Ашәҟәы ианумҵааит, акы ҳақәӡуеит, аха
ииҳәаҵәҟьазоуп иуасҳәо. Ареволиуциа снацҳалоит, марксизм
снаҿыхәалоит иҳәеит. Дысгәаԥхеит, уара, абри аниҳәа. Рыцҳа,
дуаҩы цәгьамзар ҟаларын, аха џьоукы ддырҟьалеит, надо старику помоч сҳәеит. Ҳа-ҳа-ҳа! – иччара изынкыломызт. Иахьа
иаауа ҳасас инаганы инаиасҳәахыр убас. Ареволиуциа шәфала,
марксизм шәнаҿыхәала ҳәа. Сыҟаӡамкәа егьа адунеи санырхып. Какраз ҳаргьы асезон аркра ҳҽазыҟаҳҵон. Иҟоу уасҳәап,
Бақьыр-иԥа Ҳараз, сара уара убзиарагьы, уцәгьарагьы сыздыруам. Усгәаԥхеит, бзиарак узызурц сҭахуп, унеи, уԥхамшьан,
аӡын иуфақәаша иусҭақәо сымоуп сҳәеит. Абрынџь, ашьаҳариа,
асгушьчонкақәа. Еидарак изеиқәсыршәеит. Даараӡа сиҭахны
дшымаазгьы збоит, аха дааит, исҭеит. Уаҩҵас иарымҳәеит
анҭ, ашихқәа, мамзар даауан. Рыгәра угартә иҟоу џьушьома?!
– ахьшьцәа-шәарыцаҩцәа ахьыҩназ аҩны ашҟа дыԥшуан. –
Уҿаҿы иуарҳәо акәу џьушьома, рышәара анышә иҵоуп. Анҭ
аҩыџьа, Уасцәа хылԥеи, Ахьча хылԥеи, урыцны ашәиҭышә узнеиуам. Уанааргәамԥха, абахә унхықәыргыланы инаугәҭаситоуп.
Аҭаҳмадцәа? Урҭ закәи? Ашьха аҵасқәа, анцәахәқәа ҳәа,
анкьа, акы аныҟақәаз рхы иааҭашәаз, рыцҳақәа, иахьагьы
иҟоу џьыршьоит. Рыгәра зго џьушьома. Аҳампалоуп абнаҳәа
ахьидыршьуа ҳасас. Иуҳәо реиҳа ианақәшаҳаҭхо, иаҳагьы
иҟарҵаӡом. Уажәраанӡа иҳадгылаз Саҭбеи, араҟа, ҳтурбазаҿы
даалоит иара, ҳацәаӷь ааит ҳәа лафкгьы наилаҳхлоит, пату
зиқәысҵо, игәамԥхо уҿаҿы иуеиҳәоит. Иҭахӡамызт шәарыцара
дахьааҳгоз, алашәарыца агаҿантәи изаазгаз аԥсаса ахьчаларацоуп, уажәааны сшәарыцарц иаасымгеит иҳәеит. Иуамызт.
Аха дақәыршаҳаҭны, шәарыцара данузышьҭ, уирманшәалоит.
Уаҩҵас иарымҳәеит, убри азыҳәаноуп Бақьыр-иԥа Ҳараз дызрыцмааз. Схаҭа сцароуп иаагара.
– Сара џьаракы сухәома? – иҳәеит Ҭарсхан. Ирмаананы иҳәеит акәымзар, диццарц, арахь дмааргьы, ма уаҟа дибарц, днаиацәажәарц иҭаххеит иацижьҭеи абасҟак зыӡбахә

иаҳахьоу ауаҩ. Игәаланаршәозгьы рацәан. Ихәыҷра, иқыҭа,
издыруада иаб итәқәакгьы иаҳар…
–Узаҳмыхәозеи… Уаанҿаси, иҳамоу, иҳагу… Иаҳшьуа ақыжә
бзиа ҳамоуп. Аԥсы шҭоу ирбаны, нас агәаҵәа имҵоуҵароуп.
Анцәа. Ус ами аныҳәагатә шыҟарҵо. Уажәы аԥсы шҭоу иусырбоит, нас агәаҵәақәа. Уи иацы џьоукы ираасыргеит. Реиҳа
дзыргәаҟуа – ақәасаб ажьы ҵааны, уигьы ҳамоуп. Тақ, так.
Аԥсыӡ ҟалоит. Ҿыц аӡы иааҭԥааны, акалмаҳа! Даҽа ԥсыӡк ифо
џьушьома. Абаҳҭқәа ақәыԥсаны, аӡара калаӡа, ажьы ԥсыланы,
абаҩ маҷны… Сызҩахәы ифароуп. Та-ак! Акаҳԥы… Уи сара
снапы ианӡам. Так! Ҳа-ҳа-ҳа! – дышгылаз зны иарӷьарахь, нас
иармарахь дынхырхәа-аахырхәеит. Игәалашәаз ихаҭа дарччеит. – Уӡырҩла, укьатеиах ԥызҵәаша уасҳәоит. Ҳтәоуп араиком аҿы. Инапқәа имгәацәа иақәҵаны, аҳәан макьа асахьа
иҭаны дтәоуп сдиректор. Аӡәыр акраажәгама, ишԥасышәҭои,
аконверт иҭаҵаны акәу, аҭаҭын пачка иҭаҵаны исышәҭауоу
ҳәа…
– Уи шԥа, исзеилымкааит… Аҭаҭын пачка иҭарҵо закәи?
– Уи узымдырӡои? Уара уҵарауаҩыҵәҟьами, урҭқәа анцәа
урцәихьчеит. Аӡәгьы акгьы иҭатәыс иумам… Ҳа-ҳа-ҳа!
– Сыҭатәысгьы ирымам. Ҳа-ҳа-ҳа! – Жәраб иччашьа
ныҟаи­ҵеит Ҭарсхан.
– Уи саргьы исыздырӡомызт, аха сдиректор исирҵеит.
Уи даҽаӡәы иҿиҵаазар акәхап. Аус бзиа абиԥара инеимдаааимдо инаргалар ами. Иаҳҳәап, раикомк ма обкомк, аинструктор иоума, амаӡаныҟәгаҩцәа роума, аӡәы иҭатәыс имоуп ани, иаадыруа, ҳахәдацәа ҵыхәрааны изку, – инацәақәа
неихьишьит аԥара ҳәа ирбауа, –иаарласны иумҭар ҟалом.
Уск рыӡбауеит аҽныҵәҟьа, абыржәы, иаарласны излагараны иҟоу абиуро аҿы, мамзаргьы уаҵәы ашьжьымҭан. Иахьа
илабарҭа уоуит. Илабарҭа уоуит, аха ани, аныхачаԥа, иаргьы
уаргьы шәзымҵаныҳәо, иҭашьа умоуит. Ауаа идгылоуп, ицуп,
мамзаргьы еизарак еилацәажәарак мҩаԥигоит. Ишԥаҟауҵо?
Исаҳәеи, ишԥаҟауҵо уара?
– Акрыздыруоу? – иҳәеит Ҭарсхан иҟаиҵаша ахьизымдыруа хара дук идызшәа.
– Иумбои, уара уеиԥш акәын саргьы ишысзымдыруаз.

Сеиҳабы, анцәа иџьшьаны иаарласны апенсиахь дцараны
иҟоу, – днахырхәа-аахырхәан, ишьапԥынҵақәа дрықәгыла,
Ҭарсхан илымҳа инҭеиҳәеит, – сҭыԥ ахь снеирц азыҳәан
абри зегьы ҟасҵо… А что?! Сара исеиӷьу инаргода?! Изыҭатәу
измыхтәу сара саҟара издыруада…
– Ҳәарада, ҳәарада…
– Уӡырҩла. Ишԥаҟауҵо, срочно хьешь ԥара иҭатәызар?
Аҭаҭын пачка, импортни, зцәа жәпоу, аҭаҭын ааҭухуеит. Шәкы
шәкы ицо аԥарақәа рҽны инҭоуҵоит. Шәышгылоу, иаҳҳәап,
аҭаҭын ааимданы шәнахеит. Абни, аԥара зҭоу еиԥшу даҽа
пачкак, аҭаҭын еихыхаа иҭаны уџьыбаҿ иумоуп. Аҭаҭын
нарымҵоукуеит. Цырак цырак ааҭыганы зегьы наҿыхоит. Уара
уџьыба инҭоуҵоит аҭаҭын зҭоу апачка, ашьҭахь, иухашҭызшәа,
аҟыԥҳәа уџьыба иааҭуԥаауеит егьи, аԥара зҭоу апачка.
Ишырбо, иахәаурԥшыр иаҳагьы еиӷьуп, ани изуҭарц иуҭаху,
ажәақәак нацуҵар ауеит, аха акгьы мҳәакәа, амала цқьа инаирбаны, иџьыба инҭоуҵоит. Издыруа, дааԥышәарччоит, аҳамҭа
хәыҷы ыҟам, аҳамҭа ду ыҟам, шәыпатуеиқәҵара ԥкымзааит
– уи иаанаго имаҷны иуҭазаргьы, ирацәаны иуҭазаргьы
ҳәоуп – ҳәа днашәықәныҳәоит, иззымдыруа, иуҭозар,
аҭаҭын, изырчмазаҩуа аума иҭатәу ҳәа лаф бзамыҟәқәак
нар­ҳәоит. Вот ты поверишь, араиком аҿы, абиуро шцоз
исҭеит асекретар. Атуристцәа рзыҳәан иамырхуа атуристцәа
абжа аиҭабжагьы рҿарҵаӡом, дара ирфо рфоит, иаанхо рҭиуеит ҳәа, клиаузникк даҳзашшит. Ҳус иалацәажәоит.
Маӡаныҟәгаҩык зынӡаск даапкуа, иамхтәуп ҳәа дықәгылеит.
Аҭаҭын ааҭызган, исҿыҵаскуеит, снацәақәа ирыбжьакны
салахәмаруеит. Данынатәа, усҭ, аа, абри апачка сҳәан, ани,
хьешь ԥара ҭаҵаны исымаз апачка наисыркит. Сихәаԥшуеит.
Ицәыҵрааны ихыртлашәа днахәаԥшит. Иԥштәы аҽааиҭанакит.
Дҩагыланы, абар иҟаиҵаз ҳәа ҿааиҭыр, пропал, сдырӡуеит.
Аха сара уажә дызбама ани. Иблақәа алашьцара рхаҳалазар
акәхап, ирыцқьауа, дсыхәаԥԥшуеит, дҟаԥшьхоит, дцәышхоит,
иқьышәқәа агәырӷьара ықәыххуеит. Сааилгеит. Арыԥҵәа
асҭеит абочка. Уӡырҩла. Сызҿыз… Ҳтәоуп, значит, сдиректор,
араиком асекретар, аинструкторцәа, асас иԥылараз аплан
мероприатии ҳалацәажәоит. Каҳԥы бзиакгьы дизыԥшаатәуп

рҳәеит. Уи сара схы иадысҵоит туристкак сналацәажәоит,
сколько хочеш дам, сара дсыԥшаауеит, шәыххь згеит, хьаас иҟашәымҵан сҳәеит. Уара, аших, угәра згода, дуԥшаауеит,
иашоуп, аха зны уара улыкәаианы, нас иара диуҭоит, уи
анааиаҳа, ҳзықәшәараны ҳаҟоу удыруоу иҳәеит асекретар.
Иуҳәои?! Аиаша анырҳәалак ҿумҭыроуп. Хаҵа дызкәамиац
акаҳԥы шәара дшәыԥшаа сҳәеит. Уажәы, акаҳԥцәа рырмазеира знапы ианыз, ҩыџьа иманы дааит, иацы… Мап, жәацаахыс
рныҟәгара саҿуп. Иара аӡәы иоуп иҟоу, дара ҩыџьа, аха агәра
ганы сыҟам аҩыџьегьы иара ишимам.
– Дызусҭада «иара» ҳәа узҿу? –дзиҭахыз изымдырӡо,
џьара акы ҳәатәуп ҳәа ҿааиҭит Ҭарсхан. Иаҳақәоз дрыз­
ҿлымҳахартә, уимоу, лыхәҭак инкылхны, ақьаад анҵарагьы
иаԥсоуп иҳәартә ишыҟазгьы, уажәы иара ииҭахыз акы
заҵәык акәын – ихала дыҟазарц, асҵәҟьа иҭҟәагоуп ҳәа
игәы иззаанамгоз аԥсабареи иареи рхала еизынхарц. Уи деиликаауан ари, цәажәарҭас дыхҭазкыз ауаҩ. Зегьы рҿы ас
иҿашәалак иҳәозҭгьы, уажәшьҭа дықәырцахьазаарын, аха
Саҭбеи мшқәак ҵхқәак роуп, уаҳа еибабом, русурақәа рганахьалагьы рымҩақәа еиԥылараны иҟам. Аха идыруазҭгьы
Ҭарсхан дзыдҳәалоу, зусқәа дрылахәу… Иахьимҳәауа бзианы
ишыҟаиҵо даҽазныкгьы агәра игеит. – Акаҳԥцәа знапы ианыда уҳәоу? Уара дабоудыруеи. Аԥара аганахьалагьы зџьыба
дҭатәоу аӡәы иоуп.
– Аԥара аҭашьа мацара акәым, изҭатәқәоугьы жәдыруама?
– А как же, – раԥхьатәи акқәа дрықәыӷәӷәаны абри аҩы­
заҵәҟьа шԥоузымдыруеи ҳәа аанаго, ҿааиҭит Жәраб. – Изҭо,
значит, изааигәоу, иара иҿы аус аҟаҵара зылшо иоуп. Урҭ
узымдыруазар уус ҟаҵашьас иумоузеи! Иаҳҳәап, уи дышгылоу иакәымк аауҿыҵҟьеит. Уалгеит. Ари, уажәы акаҳԥцәа аазгаз, уажәадагьы шаҟантә даахьоу удыруама. Сезонк азыҳәан
ҩынтә, ма хынтә уеизгьы даауеит. Далаԥшноуп ишааиго.
Изымҭода. Иԥшра ыҟоуп, исахьа, аԥара иара имажьуп, –
шьыцрала иҭәын Жәраб иажәақәа.
– Аус абаиуеи? – Ҭарсхан иажәақәагьы ашьыцра нарылыжжит. Егьа ихәаҽыргьы инхыжжылон игәыҵха. Аԥара
иҭазарц иҭахгәышьан. Ауада ҭбааҭыцә, ибзианы ирхиоу, уаа-

ма, нан, ҳәа даниԥылауа иан, папа, уабацои ҳәа дихьынҳалауа
иҷкәын, есышьыжь диҿаччауа иԥҳәыс… Зегьы алшоит, иблыша, аԥара. Аха нагӡашьас иамоуи иареи ирыбжьысуаз аӡиас
дырырц ихахьгьы иааигомызт, ацҳа аӡәырҩы ишидырбахьазгьы.
– Аус абаиухуеи, сара сеиԥш дыҩҩуа атуристцәа дрышьҭоу
џьушьома. Уаҟа дыштәоу анхацәа инаргоит аҳа, алаҳа, аҵәа,
абҳәаса, иааиҭаху. Зегьы аԥара рылҵуеит. Консервни зауад. Агородаҿ двухетажни аҩны имоуп, амашьына «Волга».
Ақыҭаҿы иани иабгьы адворец рызиргылеит рҳәоит. Убри иоуп
ахаҵа. Виқтор Ҭахәыц-иԥа ихаҭа ишьамхқәа ҟәарҟәаруеит уи
иҿаԥхьа… Ето мужик.
– Виқтор Ҭахәыц-иԥа дарбан? – днаиазҵааит, иаҳауаз ахьӡ
агәра изымго.
– Дарбаныху, ҳаззыԥшу асас. Уара Ҭарсхан, маӡала акы
уасҳәоит, угәы иалымсын. Убри данаалак, уахьимбаша
уҽынаԥхьак… Араҟа, уара иудыруоу сыздыруам, усоуп ишыҟоу,
аҭыԥантәи ауаа раашьҭра азин ҳамаӡам. Мҩакы дықәханы,
царҭа имоукәа, уахык дыԥхьаргьы, адырҩаҽны шаанӡа
дықәҵны дцароуп. Ус изыҟарҵазеи ҳәагьы узҳәом. Иҽеиу
џьушьома дара ҳара ҳтәқәа. Ма аҳәса ирхьынҳалоит, мамзаргьы
џьара акы рӷьычуеит. Еиҳарак ирчычоуп арадиоприомникқәа.
Апастанавлениа ҟарҵеит строго, ҭыԥантәик иԥсы шишьо
данаҳба, аштраф ҳдыршәоит. Унаԥшы-ааԥши, ани, живои
классик Адамыр Арҭанба ида даҽаӡәы дубозар убап. Уи, ишудыруа, иаашьҭра акәым, ҳаихылаԥшларцгьы ҳнапы иануп.
Апастанавлениа адагьы, ара иҟалаз умбои, ани, ҳаззыԥшу,
Виқтор Ҭахәыц-иԥа иеиԥш, уахык ҩаха ҳәа, аҳәса рыманы,
аиҳабацәа шаҟаҩы аауа удыруама?! Избогьы дзакәу уаҩузеи,
убри ауп иуҳәаша. Сара араҟа аус зуеижьҭеи иҵуа удыруама?!
Аҭыԥантәи ауаа рзыҳәан акорпусқәа ҩба алхын. Еиҳараӡак
иаауаз зусҭцәадаз? Аинтеллигенциа, ацәҳәы-ҟьантазқәа. Ҟоҳ,
саҭаумҵан, уаргьы… Ишәымам, угәы иалымсын. Шәыхшыҩ уи
аганахьала аус ауам. Ихҭаркит, уара, ихҭаркӡеит абраҟа.
– Аҳауа бзиоуп, аӡыхь, нас аӡҵәыҵәы, аҽыхәшәтәыга…
– Уи акәӡам иҟалаз. Иаҳа имариоуп. Апутиовка апрафсаиуз
иашәоит. Ацара-аара иаҭахузеи. Аҳаирплан уақәтәом, адәыӷба

уаанагом. Есҽны реисави каробочка бжьоуп. Ишакәым еила­
ҳауа иалагеит урҭ абраҟа, қьаф рурц иаауаз атузқәеи, зыбз
ада зыхәламыз, ацәҳәы-ҟьантазқәа аинтеллигенциеи. Урҭ усгьы ишыҟоу удыруеит. Угәы иалымсын Ҭарсхан, уара уаласҵом.
Уара сануҿаԥшыҵәҟьа усгәаԥхеит. Арҭ ҳахьыҟоу иҟаӡам, уаҩы
гәыразык иакәзар ҟалап сҳәеит. Аха анҭи, уара узлоу аинтеллигенциа, аиашаз рычҳара цәгьоуп. Рыбз уахәаӡом, арахь
иҟарҵаз ҳәа акгьы ыҟаӡамкәа. Исаҳәеи, иҟарҵахьоузеи?!
Акыргьы ҟарҵараны иҟоума! Арахь рыбз уахәаӡом. Уиоуп
иуҳәо, изааргаз акаҳԥы рылаԥш аалықәшәар, рхы еиламгои. Анцәахша. Жәаа, зежә, уаҳа лхыҵуам. Саҭанаумҵан,
ҳҵарауаҩ, саҭанаумҵан, ухы ҭысҟьеит, – дааҭгылеит дхәыцуа,
нас иблақәа хырқьиарала иҭәны, ус ҿааиҭит, – уара, аказы
суҳәоит, исзыҟаҵа, нас сара сахьухәақәо убап. Иуасымҳәои
сахьухәогьы. Сҭаацәа аауеит умҳәеи. Уҭаацәа роума, бзиа
иубо лоума сара сус алам. Дшааилак, атдельно ауада бзиаӡа
узыҟасҵоит. Иабоуҭаху ахьшьцәажәқәа урылаианы. Иҟалап,
сара схаҭа сцаргьы, мамзаргьы хаҵа бзиак дуцысҵоит. Усызцарауазеи Бақьыр-иԥа Ҳараз иаагара?! Дааҟамлар ԥсыхәа
ҳамаӡам. Уаҩҵас иаҳәатәуп. Уара уцәажәашьақәа рыла, уаҩ
ҟәыӷак уоуп, выручи, иаа? Имур, рпартиагьы сҭахым, даргьы
рааигәара снеиуам, иахьысымбаша сықәҵит иҳәар, иԥсы снапы ишаку, сара сыда ԥсыхәа шимам наигәаларшәатәуп. Дабацои, аӡынра ааигәахара иаҿуп. Аҳампалоуп асгушьчонкақәа
ахьиоуа. Уазхәыц, уазхәыц, уажәшьҭаншәа усыԥшаауеит…
Уԥши, абас ушнеиуа, уарӷьарахь уҿынаухоит. Амҩахәасҭа иунарбоит. Аасра, ашымҳара улсны уцоит. Џьаргьы умҩахымҵын.
Уахьналбаауа, арҩаш азааигәараҵәҟьа, ахаҳә дуқәа
ирылкәкәаны икаҭәоит аӡҵәыҵәы. Уҟанаҵ ҩымш хымшгьы
изумжәрызеи, ахәшә. Уҩныҵҟа зегьы уарыцқьоит. Ҳамгәақәа
ма иаҳрыцқьалап, ҳахшыҩ усгьы иалгахьеит, аха.
Ирласны наҟ дысԥырҵындаз, ицәажәара сзычҳауам
ҳәа дзызхәыцуа абри ауаҩгьы, ашьҭахь иибақәаз, дзыҿ­
цәажәақәазгьы нацҵаны, инеидкыланы данрызхәыц, иқьаад
анҵара иаԥсаны ииԥхьаӡаз хшыҩҵакык дазкылсит Ҭарсхан.
Акгьы шьақәирӷәӷәомызт, ихазгьы зҵаараны инижьит. Аҭак
аԥшаара ус имариамызт. Даниуаз ицины аԥсабара иланаҵоу,

мамзаргьы иҭагылазаашьа, иԥсҭазаара ус ианыҟала, уаҳа
ԥсыхәа анимоу ҟазшьас иҵигауоу ауаҩы амҵақьақьара?
Амшын аҿынӡа изланаӡаша даҽа мҩак анамоулак аӡиас,
акәараҵара, аҵәиҵәира иалагоит…
Урҭ ауаа иара ихы инадкылангьы дрызхәыцит Ҭарсхан.
Дреиԥшны ихы иԥхьаӡеит. Дхәацыхәаԥшьхан, даанаԥшыааԥшит ӷьычрак дшаҿыз дақәыркызшәа. Дызҭагылаз аӡиас
дахьыруа идыруеит, днаԥшны ибоит ахықә. Уамак изнымхеит. Иаарласны днаӡоит. Уажәазы уаҳа ԥсыхәа имамызт. Дызхьынҳалашаз даҽа махәыкгьы ыҟан. Уи иаҳагьы
иԥсеиқәырхагаз махәын. Ихазы мацара акәым. Иан, иԥҳәыс,
ихәыҷы рзыҳәан мацарагьы акәым. Шаҟаҩы дрыцхраахьоузеи, дара рхаҭақәагьы ирзымдырӡо. Мышкызны иеилыркаап.
Иажәахәқәа рҿы сара сыхәҭа иҩны ианназго, снапы аҵаҩны
ирысҭоит. Урҭ аанхоит архив аҿы. Дышԥаҟоу, уара, маӡалатәи
ушеф, ааигәа шәеиқәшәахьоума ҳәа аҵәы сылазҵало, дара
рзыҳәан ацәгьа саҿу, абзиарақәа рзыҟасҵауоу, мышкызны ирбап, ирымбаӡаргьы, сара сыламыс цқьоуп. Уламыс аныцқьоу,
аҵәы уларҵа акәым, аҟырҟырҳәа иухыччаргьы, агәхьаа укӡом.
Уара уаҟара издыруада узусҭоу.
Аӡҵәыҵәы аҟынӡа днаӡаанӡа, днымҩахыҵын, уаҩы дахьимбаша ҵлак амҵан, итетрадыжәпа ишьамхы иқәкны
днатәеит. Иааркьаҿ-ааркьаҿны, иаарласны инаниҵақәап.
Иацы амҩантәи иныҟәара, имҩалаҩцәахаз ахьшьцәашәарыцаҩцәа, уажәы дзацәажәоз арма хырхәа, арӷьа мҵа­
қьақьа Жәраб уҳәа, зегьы дҩарылсын, урҭ, дад, аӡәгьы дузеилкаауам сара усзымхәыцкәа иҳәозшәа, ибла даахгылеит,
иацижьҭеи изныкымкәа зыхьӡ илымҳа иҭаҩуаз Бақьыр-иԥа
Ҳараз.
Усҟан иара дхәыҷын, иеиликаартә дыҟамызт. Аха илҳәоны
иаҳақәахьоу рыҟнытә, уи ауаҩ изыҳәан игәалашәараҿы
иаанхақәаз иреиуоуп акы. «Иҟаиҵақәахьаз абзиарақәа зегьы
аҵәы рхьишьит. Жәытәнатәаахыс, хазы ҳабланы, ҳқыҭа иаланхоз абырзенцәа рыхҵараҿы днарыцхраан, Егры нырцәаа
ааганы инирхеит». Иан иалҳәаз ахьынӡаиашаз шизымдыруазгьы, убри ауаҩ ихаҿсахьа ииҩырц ииҭахыз аҭоурыхтә
роман ашҟа ииаганы дназхәыцит. Усҟан ироман аҿы иҟало

ахҭысқәа анымҩаԥысуаз аамҭазгьы, абыржәы, иара данахаану еиԥшҵәҟьа, аимпериақәа ҩба еиҩыршеит Аԥсны.
Амраҭашәарахьтәи ахәҭа рымпыҵархалеит аџьамцәа, амрагыларахь – аурымцәа. Аимпериа аныҟала, уи аполитика
мҩаԥыргауа аҭыԥантәи ауаагьы аԥшаауеит. Араҟа даҽакгьы
иазхәыцтәуп. Ишԥарызныҟәо убарҭ, аимпериалистцәа рхы
иадырхәаз? Убри акәушь Бақьыр-иԥа Ҳаразгьы ихьыз.
Ашьҭахь Ҭарсхан игәалаиршәеит рқыҭаҿы ашкол данҭаз
дызлаԥшхьаз еизарак. Аизара зызкыз издыруам. Иԥхынран,
ишоуран аҟнытә, аусҳәарҭа ашҭаҿы иқәгылаз аџь амҵан
имҩаԥыргон. Аурокқәа ианрылга, аҩныҟа дцарц ишәыра
ыркәаталеиуа дшааиуаз, ауаа еизаны ишгылаз аниба, иаргьы рҵыхәахьшәа даагылеит. Уажәы даназхәыцуа иеиликаауеит уи аизара анымҩаԥысуаз апартиа аҩажәатәи аизара
ашьҭахь шакәыз, избанзар уаҟа нхаҩык ииҳәақәоз рҩыза
даҽа аамҭақәак рзыҳәан ҳәашьа имамызт.
Дад, Ҳараз, – ҿааиҭит ажәлар даарылҵын, илабашьа нарсны, амра ихнаблаа-ҿнаблаахьаз ихҭарԥа алабашьа инахарԥаны. Астол даахагылан Бақьыр-иԥа Ҳараз.
Ишԥхынраз, ишшоуразгьы уи, еснагь еиԥш, асахҭан кьаҿ
цәхаԥшь ишәын, агалифе еиқәа, азиацк магәқәа ақәҵаны
ишьан. Еснагь еиԥш иарма напы анацәа ду аҿарԥан имаҟа
ҟьаҟьа. Урҭ рҽеилаҳәашьа, ргылашьа ибацыԥхьаӡа, Ҭарсхан
дазхәыцуан, иҟазҵазеи абарҭ зегьы абас инеибеиԥшны, ареволиуциа иазку акиноқәа ирҿыԥшу, мамзаргьы акино ҭызхуа
дара, абарҭ ареволиуционерцәа ирыхәаԥшны иҟарҵауоу?
Иарбану ираԥхьатәиу? Ажәа сҳәар ҟалома ҳәа диазҵааны
акәымкәа, ихала дҩагыланы иҿахьааихаз, ажәа аҳәара дахьалагаз џьеишьазар акәхарын, иблақәа ҵархәны абырг
дихәаԥшуан Ҳараз, – ҳазшаз анцәа ду иџьшьаны, – ажәҩан
днаҵаԥшит, – атыҩ иакны иҟаз амза, атыҩ иоунашьҭит.
– Иуҳәашьоузеи, иаанагозеи уажәа?! – дхьижәеит Ҳараз.
Џьоукы инцәыҵачча-аацәыҵаччақәеит, аха џьоукгьы «иажәа
ирҳәа, иажәа» ҳәа, – абырг инаидгылеит.
– Убас иҟалалоит, дад, амра атыҩ иакуеит. Аҽнышьыбжьон,
икаԥха-каҷҷо ажәҩан ишкыду, иаалырҟьаны илашьцоит.
– Иаадыруеит, ахшыҩ ҳаумырҵан, – еиҭах дхьижәеит
Ҳараз.

– Изакәызеи, уара иажәа зиумырҳәо?! Абас ауаа шәыр­
цәажәомызт азыҳәаноуп иҳахьқәаз зегьы зҳахьыз? – аиза­ра агәҭаншәа иалатәаз аӡәы, ихылԥа ихԥаа ҿааиҭит. Ихазы­
ҳәан акәхарын изиҳәаз, ибжьы рхәыҷны «абар Хрушьчов
иҟаиҵаз, хылагәыла ҳаилеиҵеит. Арҭ ауужьыр ҟалома?!» –
иҳәеит.
– Ажәҩан цқьаӡа ишыҟоу, – иажәа инациҵеит абырг, –
иаалырҟьаны илашьцоит, ажәҩан агәҭаны иҭашәоит амра.
Ишԥаҟауҵо, иулшозеи? Уԥшыроуп. Анцәа уиашьапклароуп. Убас ҳамра атыҩ иакны иҟан, дадраа иахьа уажәраанӡа.
Ишәыдысныҳәалоит, ҳамра атыҩ иоунажьит. Изхысҳәаауа
жәдыруеит. Ԥаҵақьала иԥсроуп.
– Хшыҩ дук уҳәоз џьысшьан, – дагьааԥышәарччеит Ҳараз.
Иааигәараҵәҟьа днеин, диҵаԥшуа дгылан Ҭарсхан. Игылашьеи иԥшышьеи анигәалашәо, иџьеишьоит дызлаимрырҳаз.
Иаҳалааит, идыруазааит, ихашҭрым инасыԥ азыҳәан иқәԥоз
зусҭцәоу иҳәозар акәхарын, днаихәаԥшуан, уаҟа дахьгылоу,
дахьыӡырҩуа дшақәшаҳаҭу ала ихы наирҵысуан, – ԥаҵақьала
имацара иакәӡам, уи иаԥхьа даҽа дукгьы дыԥсхьан, Гәаџьала,
дугәалашәозар, аха, Гәаџьала, урҭ рус аԥсы ҭоуп, аӷьараҳәа
иҟоуп, – инацәақәа зегьы шеибгаз инавҵеиҵеит имаҟа.
Ижәҩахырқәагьы ҩышьҭыхны, ажәлар даарылаԥшит. Аӡәгьы
ҿимҭӡеит.
Ажәлар рҿымҭра, иара идгыланы ицәажәазар еиԥш
иԥхьаӡазар акәхап абырг, ибжьы иаҳа аԥсы ҭалеит, дааҳәын
Ҳараз ихы наиқәикит.
– Сара иуасҳәо цқьа уазхәыцыр, уара иузеиӷьуп, Ҳараз.
Анкьаӡа зны, уанқәыԥшыз, иуарҳәо ада анузымдыруаз, ҽы
ццышәк уақәдыртәеит џьоукы. Уара уеиԥш иҽыжәлақәаз,
џьоукы уи аҽура икыдҟьаны иашьит, џьоукгьы ҳахьуго ҳга ҳәа,
аӷәра ақәыршәны, аԥырцәқәа рыҽрыларԥа иркит. Аҽы иахьканамыжьша мацара иазхәыцит. Анс уҳәа, арс уҳәа, иҟауҵалак,
иуулак, уканамжькәа, иахьа уажәраанӡа уалааит уаргьы уҽы.
Уканамыжьит, избанзар, изныз амҩа удыруан. Уажәшьҭа, дад,
уҽы шыҟоу иаанхазаргьы, изныз амҩа аҽаԥсахит. Даҽа мҩак
ианылеит, Ҳараз, даҽа мҩак. Амра атыҩ иоунашьҭуа иалагеит.
Сара, дад, ҳаҭыр уқәысҵоит, уџьабаақәа здыруеит. Уҽы знылаз

амҩа ҿыц ианузақәмыршәа, сацәшәоит, уара наҟ ункажьны,
иара нықәхәаша ицар ҳәа…
Убасҟан ашкол данҭаз иҟаиҵаз анҵамҭа, акыр шықәса
ҵхьаны, ихиҩылааит Ҭарсхан. Раԥхьа иананҵаз ашықәс
шаҵаҩымызгьы, аилкаара мариан аизара анымҩаԥысуаз закә
аамҭахахьаз. Уажәааигәа уи анҵамҭа данаԥхьа, азхәыцра далагеит иҩымҭак аҿы ихы иахьаирхәаша, аха иахьааирбышаз
макьана акгьы изымԥшааит.
Хымԥада, убри аизара анымҩаԥысуаз, Бақьыр-иԥа Ҳараз
дыӷәӷәаҟацаӡа дышгылазгьы, ахы ыҵнаххьан убасеиԥш иҟаз
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3320
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2205
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3310
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2272
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2122
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2196
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2230
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3382
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2251
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2291
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2329
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2206
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3370
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2247
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45
    Süzlärneñ gomumi sanı 2585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744