LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
Süzlärneñ gomumi sanı 3361
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
иҿагылоз ихаҭа мацара иакәымкәа, иҭаацәагьы иҭынхацәагьы
нирҵәон. Ухы угәаӷьит, исыхьлак сыхьааит уҳәеит. Ибзиоуп, ухы иазуулак уақәиҭуп. Аха ууацәа, уҭынхацәа, уҩызцәа
ирзуулак уақәиҭума?! Ииӡбаз умбои ԥаҵақьала, шаҟаҩы
уҿарҳәозеи. Слашәарыца сыманы, илкажьны Сталин ихаан
еиԥш, иҭаркрым, иршьрым. Аха убасеиԥш акы рыҵаргалоит,
ахаан ҳзеиҿамԥшуа ҳҟарҵоит. Ахамышҭыхә иақәдыршәоит.
– Апартиа иалырцома? – иҳәеит Ҭарсхан. – Уаҳа ԥсыхәа
сымамызт, сара ӡӷьык сҭалеит. Аамҭалоуп. Исҭаху налганы,
сҭыҵуеит, уинахыс амԥангьы снеиуам. Аха шәара шәҭамлан.
Изышәҭахузеи.
– Апартиа иалырцар ҳәа ишәо аҵарауаа шәоуп. Маҵура
бзиак шәзаламло ишәԥырхагахоит. Шәара шәызладыршәаша
ианазхәыцуаз, уацәымшәан, анхацәа ракәзааит, аџьма
хьшьцәаҵәҟьагьы ҳакәзааит, аӡәгьы дырхамышҭӡеит. Иарбану, суазҵаауеит, анхаҩы ԥсыс ихоу? Адгьыл, арахә. Иубома ҳаԥсы ахьикыз. Дааузыцәгьахар, удгьыл иумоу ахәыҷгьы
ааумихуеит. Арахә шаҟа урықәиҭузеи? Уҵарауаҩуп, иудыруа сыԥхыӡгьы иаламшәац, аха саргьы шәҟәқәак срыԥхьоит,
ишсоуҳәара, ауаатәыҩса рҭоурых аҿы зныкыр иҟалахьоу
абриаҟара хы арахә урықәиҭуп, ианеиҳаха ҟалаӡом ҳәа?
Ажәқәа урықәиҭуп хԥа иҳәеит. Аԥсаса? Жәохә. Ирымур,
ихьар ишԥарзызуеи? Инырҵәа. Исгәалашәоит, усҟан ашкол
сҭан, Хрушьчов данааиҵәҟьа, рнапқәа ааԥиртлеит анхацәа.
Иныҳәаҿа ижәуан саб. Ашьҭахь уигьы ҳарахә рыԥхьаӡара далагеит. Уи зегьы уаҟәыҵ. Аиҳабыра узыцәгьахар, абраҟа, ашьха
иаацаны арахә узырҳәру? Ухатәы рахә аҳәынҭқарра адгьылаҿ
рырҳәра азин узҭода?! Иубома?! Убас ашәахтә уқәырҵап,
урахә уҭиргьы иузымшәо. Иабацеи сла? –даашәышәын ибжьы ныҵакны иазҿиҭит. Ҭарсхан дааԥышәарччеит. Абыржәоуп
даназхәыц, иааркьаҿны иҩызцәа иарҳәало иара ихьӡ – ала
азыҳәан ишыхьӡы маншәалоу – Ҭарс.
– Ҭарс! Ҭарс! Дагәаԥхеит убоу ани ауаҩ, – ԥсшьаҩык идгьежьылон ила...
– Ишәымбои, алаҵәҟьагьы дадырит, – иҳәеит дхынҳәны
иааиуаз Жәраб. –Уи дыззымдыруаз уаҩԥсы дсымбеит.
Ихаҭа дзымбацгьы ихьӡ аароуҳәар, аа, дҳамдыркәа рҳәоит.
Ҳақьачақьцәа рзыҳәан находкоуп, анаходка, аха иабаҟоу иара
иуам. Иуаҳахьоума ашәҟәыҩҩы аԥхьаҩцәа рԥылара иҭахым
ҳәа?! Уи иаанаго, ишԥашәасҳәари, алиотчик аҳаирплан
ааигәара снеиуам иҳәар иаҩызоуп. Ленинградынтәи гәыԥ
ҩык атуристцәа хыҵны иаауан. Ҳақьачақьҩы иреиҳәеит
абасоуп, абраҟа иԥсы ишьоит абри еиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩы,
иареи шәареи шәеиԥылара ҟаҳҵар ҳҭахуп ҳәа. Иҩымҭақәа
ирыԥхьахьазгьы ҟалеит, иамыԥхьацызгьы абиблиотекаҿы
ишәҟәқәа ыҟазар иҳашәҭ, арҭ аҩымшк рыла ҳаԥхьоит, нас
азҵаарақәа иаҳҭап рҳәеит, аурысцәа шыҟоу шәымдыруеи,
ашәҟәы аарбеит, акрыфарагьы акрыжәрагьы рхашҭуеит. Имуит аԥсраказ, дырԥымлеит. Адамыр Алмасхан-иԥа, сшәыҳәоит,
сшәыкәыхшоуп, ираҳҳәахьеит, ишәзыԥшуп ҳҳәеит, ҟаҳ,
дҳазнамгеит.
– Дызусҭадаз зуҳәаз, уара?! – иааџьеишьеит Ҭарсхан.
– Цқьа днеизыԥшит ампахьшьы ижәҩахыр иқәыршәны,
аӡыхь ыҟоуп ахьырҳәаз аганахь, лбааҟа инеиуаз ахаҵа.
Егьиашаҵәҟьаны, иибахьоу, дзышьцылахьоу аныҟәашьа.
Харантәигьы унаихәаԥшыр еиҳарак дызлоудыруа –
ижәҩахырқәа руак, иарӷьа жәҩахыр иаҳа иҳаракуп егьи
аҵкыс. Уи идагьы зықәрахь инеихьоу ашәҟәыҩҩцәа ирыдибалахьеит Ҭарсхан уи агра, саргьы убас сҟаларушь ҳәа,
ицәымӷны дазхәыцқәахьеит. – Адамыр Арҭанба! Дабаанагеи,
уара, араҟа?! Ааи, ааи, исгәалашәоит, уи аԥхын ашьхаҟа дцалоит.
– Аа, иумбои уаргьы дшудыруа. Ишәасымҳәеи, дыззымдыруаз ҳәа уаҩ дсымбеит. – Зыӡбахә имаз ауаҩ ишҟагьы, нас
дара, изеиҳәоз рышҟагьы дынхырхәа-аахырхәеит Жәраб.
Ԥсеивгарак даақәыԥсычҳаит. – Изулак исышьҭит ашьтәа аагара. Ицоз џьушьома?! Ахә ршәом, аԥса ршәом, изакәыхи, ицоит, иааргоит уаҳа акгьы. Абри ауаҩ даҳҭаауеит, изаҳшьуеит
уҳәар, кто не даст шьтәак. Иахьа дынхацәеит, аҩра даҿызар
акәхарын. Абжьааԥны ашара адәы ианаақәло аӡыхь аҿы
дшыҟоу убоит. Сынтәадагьы даақәахьан, аха мызкы, мызки бжаки еиҳаны днымгылацызт. Сынтәа абар ҩымз нҵәан,
хымз ирықәуп дааны дыҟоуижьҭеи. Ицәажәашьақәа злазбо
ала, асезон аҳаркаанӡа дцарц игәы иҭаӡам. Каамеҭк иҩуеит,
изакәу сеидру.
Ҭарсхан игәалашәеит, ииашаҵәҟьаны Адамыр мес мзаахыс
дшимбац, иҩнгьы дшымнеиц. Ааигәа дызбон, хар имам ҳәа
леиҳәеит иан абрахь амҩа данықәлашаз аламҭалаз ақыҭаҿ
даныҟаз. Дшимбац иҩнгьы дшымнеиц леиҳәар, идыруан, уара
уоуп изхароу ҳәа, иан Адамыр, ланшьаду дидгылон, абзиара
унаалом ҳәа аҽԥныҳәа далыргон. Иаргьы уеизгьы- уеизгьы
сагьуацәажәом, уҩнгьы снеиуам ҳәа дизгәааҵәҟьаны, ианаимыжьуа гәалак иманы дыҟамызт, аха идыруан, аҩыџьагьы
рзыҳәан иаҳа еиӷьын ԥыҭраамҭак рыблақәа еихәамԥшыр.
– Саргьы дызбахьеит знык, ҳқыҭаҿы дыҟан, Аԥсара,
– иҳәеит Адамыр изыҳәан Саҭбеи. – Арра сцаанӡоуп, ашкол аҿы дыҟан. Ҭарс, уааи арахь. Иуеиҳәазеи ашәҟәыҩҩы?
– Ахы ааишьшьит илашәарыца. – Адунеи аҿы зегьы гәалакгәалак рымоуп. Аригьы агәала амоуп, иумбои, изцәажәозҭгьы,
исацәҳауан. Ишсыхәаԥшуа жәбома? Угәы иалоузеи, Ҭарс?
Ашәарыцара ҳахьымцо. Уара ашәарыцара ҳахьымцо угәы иалоуп, сара ҳахьцо сгәы иалоуп.
Изҩырц исҭаху аҭоурыхтә роман аҿы абри ауаҩ ихаҿсахьа
џьара схы иасырхәар ҟалоит ҳәа Саҭбеи днаизхәыцит Ҭарсхан.
Илашәарыцагьы наидкыланы. Бзиа иибо аԥҳәызба лааигәара
дшәарыцалар иҭахуп. Ила иауам, ашәарах ыҵырҟьаны,
абнаршәыра агәахьы дагоит. Мап, иԥшаатәуп даҽа сиужетк.
Ари башоуп. Ихаҭа иҟазшьа ианаалаша сиужетк ԥшаатәуп.
Ииашоу, ихаҭагьы ииҭаху идыруеит. Аха убас лахьынҵас иоуит,
еицу зегьы ҩымҭак аҿы иагәылауҵақәаша роуп.
– Дзеиԥшра уаҩузеи, уара, ани, еиҳабыс ишәыцу, абчараҳ?
– Саҭбеи днаиазҵааит Ҭарсхан.
Ашьҭахь Саҭбеи иҩызцәеи иареи шеицәажәоз, уара,
Арушьан, уара узыҳәан дзакә уаҩузеи ҳәа дсазҵаауан ҳәа
анреиҳәа, хымԥада ԥҳәыс дузааигарц игәы иҭазар ҟалап ҳәа
џьоукы алаф шалырхызгьы, изгәамԥхаз ҟалеит, гәҩарас дахьыркыз аҿы уигьы акы ҳәа инацлеит.
– Арушьан иоума узҿу? – еицны аӡыхь шыҟаз рҿынархеит,
– иуасымҳәеи, дузырцәажәар, иааиҳәо нануҵар, шәҟәык
ҩны иаашьҭухуеит. Егьирахь дзакә уаҩу уасҳәап? Акырынтә
сизхәыцхьеит. Иԥсадгьылаҿ дшыҟаз дымҳаџьырхеит.
– Уи шԥа?! – иааџьеишьеит Ҭарсхан, – уажәада исмаҳац
усеиԥш аӡәы изыҳәан ирҳәауа.
– Дықәрымцеит, амшын нырцәҟа дхырымҵеит. Иҩны
дыштәаз дымҳаџьырхеит. Амҳаџьыр дызусҭада? Абаандаҩы,
ииуа ииҳәо иақәиҭым.
Жәабаҟа шықәса рыла акәхап сара саҵкыс дызлеиҵбу, аха
зынӡаск исзымдырӡо абиԥарак дреиуоуп ари ҳәа иацәажәоз
днаизхәыцит Ҭарсхан. Ари ҳаниқәлаз, асеиԥш ихәыцуаз ҳәа
сара аӡәгьы дысгәалашәом.
Саҭбеи иажәа инациҵеит.
– Шәарҭ, аҵарауаа шәҿы ишыҟоу сыздыруам, ишәҭаху
шәҳәозар, ишәҭаху шәыҩуазар акәхап, аха ус иҟам анхацәа.
Дыҟоуп шҭак иаҟароу адгьыл иуҭаргьы, иззымцәаӷәо,
иззымрашәо, аарыхра ҳәа акгьы зызҭымго. Даҽаӡәы дубап
хԥа-ԥшьба гектар иуҭаргьы иззымхо. Уаргьы иузхаша, саргьы исызхаша аарыхра ҭигоит. Еиҟараны ируҭар ауама урҭ?!
Шәеиҟараны адгьылқәа шәымаз, шәеиҟараны арахә шәзаныз.
Шәеиԥшны шәхәыцла. Ирашәҳәарауазеи, уара, аиҳабыра,
ари, дадраа изымуа усуп ҳәа. Иубома срадио исызнауз. Ҳгәаӷ
змоу иҟаиҵаша сара иасҳәоит. Маӡа-аргама зегьы абас радиок радиок ҳаиҭааит, нас шықәсык ҵаанӡа иҟало убап араҟа.
Ҳазегьы Ӡызлан–Ӡаҳкәажә дызбаз ахаҵа ҳаиҩызахоит.
Изхысҳәаауа, абчараҳ Арушьан иоуп. Иаб, убри иаб уҳәа
инадыркны, жәытәнатәаахыс ихьшьцәан, ҵҩа змамыз аԥсаса
рзанын. Ихыҵрыз, иҭәымҭа дҭагылан аколлективизациа ианалагоз. Малс ирымаз, ԥсҭазаарас ирыԥхьаӡоз ракәын. Шаҟа
рзаныз, хәышә-фышә хы. Уажәшьҭа уара уизхәыц. Ҽнак
ашьжьымҭан, дзыхҟьаз, цәгьарас иҟаиҵаз изымдырӡо, убри
ауаҩ иарҳәеит, уара, дад, арахә мыцхәцәаны иузануп, наҟ
инухыроуп, узқәиҭу жәохә хы роуп ҳәа. Жәохә хы аџьмақәа
анхьо уахыки ҽнаки ииуеит иҭыԥ аҿы. Ишԥаҟаиҵо? Амҳаџьыр
диеиӷьума уи ауаҩ?! Ихшыҩ аҭра иҭҟьаны дхагамхаргьы,
акәтаӷь шаҟәа даҩызахоит. Арахь ҳахшәырҵәеит зҳәаз ирзыруз ибоит. Дышԥаҟалеи, дзеиԥш уаҩхазеи? Аџьықәреи аҭыԥан
ақәыцжәла каԥса ҳәа иоуҳәар, аҵкыс еиӷьу иҟоузеи иҳәоит.
Абрахь ҳанаашаз, ҳаагаразы днеит ани, аҭаҟьаҭас Жәраб.
Ашьжьымҭан шаанӡа днеит. Амашьына ахьынӡазнеиуаз
инеины иԥшын. Иара ҳҭыԥ ашҟа дхалан дҳаҳәеит абасоуп
иҟоу, еиҳаб дук даауеит, дшәарыцарц иҭахуп, шәҳазицхраа
ҳәа. Амҩан, уара иануаҳауаз ажәа еимаҳкыз џьушьома,
уаҟоуп ҳаԥсыр ҳаибамҵәыуо ҳахьҟеибаҵаз. Џьоукы
иҳамуҵәҟьарц ҳалагеит. Аха аиҳабацәа ианырҳәа иҟауҵозеи,
ҳақәшаҳаҭхеит. Ҳара ҳақәшаҳаҭханы ҳаналга, даҽаказгьы
сшәыҳәоит ҳәа ҿааиҭит аҭаҟьаҭас, атурбаза ҳәынаԥ.
Иуҭахузеи? Шәара шәшәарыцаҩцәа бзиақәоуп, аха даҳҭахуп
ҳасас игәы змырҿыӷьуа, ажәабжь бзиақәа иазҳәауа быргк.
Ҩыџьаҟа шәцароуп, шәиацәажәароуп Бақьыр-иԥа Ҳараз.
Уи дызусҭада? Ԥсҳәы акалҭ аҿы дынхоит. Ихҭимгац, дызхааным ҳәа егьыҟам. Иқәрахь даннеи, зегьы кажьны дыбналеит,
дықәҵит, далҵит ақыҭа. Ихаҭа ихигахьоу мацара иҳәар, алақәа
ирҵәыуап. Ҳдәықәлеит уи ишҟа. Арушьани даҽа ҩыџьеи
наҳашьҭит. Имуит аԥсраказы. Исгәалазыршәаз, убриҵәҟьагьы,
зыԥсҭазаара зегьы апартиеи аиҳабыреи рымаҵ аура иазызкыз, ихы иаҭәаимшьеит. Иара акрифоит, сара игәы ҟасҵоит.
Сқьачақьҩума иҳәеит. Ҳара ҳазҿу убоит. Иуасымҳәеи, аҳ
илаҵгацәа. Сара саӷьуеит, сгәы иааҭоу сҳәоит, аха шәарыцара
ҳцар, иамур, сара иаҳа ашәарах исыршьуеит асас. Иҟаиҵо
удыруама ҳабчараҳ? Аиҳаб ду иаауа сара сызҭаху абри
иоуп, амшә симыршьыр иуам, имшәума, ибнаҳәоума, иԥсы
иарҭеит, ишьырц ииҭаху сыздыруам, шәахәаԥш ашьҭа дышху, дшашьҭоу иҳәо дҟаиҵоит, арахь ҳампалуп ииршьуа.
Дахьыҟаӡам иԥхаҵаны идәықәиҵоит, мамзаргьы зынӡаск
даҽа шәарахк ашьҭа ихигалоит. Уара, Ҭарсхан, аҭоурыхқәа
анысҵоит, ажәытәан ауаа ирыԥсҭазаашьас аилкаара сашьҭоуп
умҳәеи, уи бзиоуп, аха ианызҵода уажәы ҳзеиԥшроу. Аа,
данҵа, зегьы ирҳәауа иақәшаҳаҭхауа, иҟаиҵошәа дзырбо,
аха игәанала зынӡаск иақәшаҳаҭым, зегьы нарҳәы-аарҳәны
иҟазҵо абчараҳ Арушьан. Ҭарс! Иабацеи сла?! – илашәарыца
днаԥхьеит.
Саҭбеи дахьынӡацәажәозгьы Ҭарсхан азхәыцра далагахьан абасеиԥш иҟоу ахаҿсахьа иҭоурыхтә роман аҿы
иахьагәылаиҵаша. Ахҭыс мҩаԥысуеит Аԥсуа баагәара ду
Аԥсны анеиҩнашаз ашәышықәсазы. Мрагыларахь џьоукы
ирымпыҵархалеит, амраҭашәарахь – даҽа џьоукы. Ауааԥсыра
ишԥарныри уи аҩшара? Иаҿагылаз, аибашьраҿы иҭахаз,
зхы анзраалаз, аха иҟаӡамыз Саҭбеи зыӡбахә иҳәаз абчараҳ
иеиԥшқәазгьы? Уи башоуп, аамҭа аҽанаԥсахлак ауаҩгьы
иҽиԥсахуеит ҳәа ирҳәо. Аамҭа иҽанираалошәа ҟаиҵоит ауп,
уаҳа акгьы. Егьирахь ауаҩы иахьа дшыҟоу убасҵәҟьа дыҟан
зқьы шықәса уажәаԥхьагьы. Иахьа ишилоу еиԥш, усҟангьы
илан ақьиара, аҳарамра, агәыразра, ацәгьахәыцра, зны асыс
даҩызоуп, даҽазны ақәыџьма млашьы аҵкыс деицәоуп, зны
аӡыхь цқьа даҩызаха, игәаҵа уҭаирԥшуеит, даҽазны амши
аҵхи еиԥшу аҳа, иеиԥшым иқьышә иқәку ажәақәеи игәаҵа
иҭаҵәҟьоуи. Ауаҩы абас дыҟан, аринахысгьы убас дҟалоит
ҳәа дышизхәыцуаз, Ҭарсхан иааигәалашәеит (аухаҵәҟьа
итетрадгьы ианиҵеит) мышқәак уажәаԥхьа, иара иҳәашьа,
шәарыцарантә даныхынҳә, зыҩнаҭаҿы дыԥхьоз аԥшәма
иашҭа данааҭала иибаз.
– Уааишь аранӡа, сҵарауаҩ, аранӡа уааишь! – изҿиҭит
аԥшәма. Аԥхын аԥсшьаразы даноурышьҭ ақалақь аҿынтәи
дааны иҟаз, жәабаҟа шықәса зхыҵуаз имаҭа хәыҷи иԥшәма
ԥҳәыси иареи ракәын нхара дук иахыз. Мчыбжьык иара иҿы
дыҟан. Иамуит шьжьымҭанк иаԥхьа дзымгылеит, акы даҿымкәа
димбеит. – Иадҿоуҳәалода ари ашьаҟа? – днаидгылеит.
Абаагәара акәша-мыкәша ииҟәшәаз акыц ԥҽыхақәа, асаркьа
ҟәырҷахақәа уҳәа зҭаз ишәыра наҟ днаханы инышьҭеиҵеит.
– Ани умбои, – днарԥшны инаиирбеит ажәгәара иҭакыз
ацә. Аԥшышьала мацарагьы иудыруан ишураз, ахәда ауӷә
шықәымлацыз, – иазызуа уахәаԥшла уажәыҵәҟьа. Ахы
иақәиҭны адәы иахьынӡақәыз азхоит.
– Ашьаҟа арсны иадҿоуҳәалома?
– Уара анхаҩы уиԥаӡами? Аура ахьырыбжьо убахьоума?
Агьаргьалас иаҵаҳкуеит.
Аԥҳә хшәага аҷҟарапат иԥшааит. Ашаха ырҟәараҟәантәны
аханы инахаиршәын, ажәгәара иҭагылаз ацә атәыҩа
инахаиҵеит. Убасҟак ирласны, ижьаны иахаиршәит, ианитҟәоз
азгәамҭаӡеит ацә. Адәы агәҭа иарсын ашьаҟа. Азхык
арыԥҵәқәа аҭаны, агьаргьалас ахеиҵеит. Иргәыбзыӷны, ижьаны ашаха шахеиҵаз еиԥш, иргәыбзыӷуа, ижьа-жьо агьаргьалас
инаҵаиҳәеит. Ҭарсхан иџьашьаны дахәаԥшуан аҵыхәҵадқәа
анҿеиҳәоз ацә аҽахьамҟьаз. Ажәҩан иазҵаауазшәа, ахы
раҳаны иԥшын.
Ауха дызмыцәеит Ҭарсхан уи ацә иҟанаҵоз дшазхәыцуаз.
Даҽа еиҿырԥшракоуп усҟан ихаҿы иааиз, итетрадгьы ианиҵаз.
Ижьаны, иргәыбзыӷны агьаргьалас иаҵарҳәеит. Иҟалаз, иазыруз анеилнакаа, акгьы алымшо, ахәда ауӷә ықәланы иалгахьан. Ауаҩгьы… Уаҳа иацҵаны ианимҵеит.
Агьаргьалас иаҵаҳәаны даналга, ашаха анахих ашьҭахьгьы,
аҵыхәа раҳа, иҟанаҵара азымдыруа, ишанхашәа игылан.
Ашьҭахь, ицәырҳаны иааԥшызшәа иҭрысны иҩит.
Ҭарсхан уажәгьы иблақәа ирыхгылоуп уи ацә. Шаҟа ахиаԥси ирмеигӡауа ԥхьаҟа инеиуа, шаҟа ашьамхы арҵысуа,
агәаҟ цәгьа, агәра ганы иҟан убасҟак иарааигәоит ҳәа ахәда
иқәырҵаз ауӷә акажьра. Адырҩаҽны абаагәара акәшамыкәша археологиатә ԥшаарақәеи, ааигәа-сигәа инхоз
дрыҿцәажәаны аетнографиатә нҵамҭақәеи уҳәа дызҿыз зегьы дырҟәаҵит. Бӷьыцқәаки икарандашьи аашьҭыхны дцеит
уаҩԥсы иахьиҿырхарсҭамыз дәҳәыԥшк ахь. Ихы ԥишәарц
иӡбеит акаҿы. Данбанӡазҟазоу ажәа? Ибла иабази игәаҵа
иҭоуи ажәала аҳәара, иаԥхьауа, иара ишибаз еиԥшҵәҟьа
ибартә аҟаҵара, аиҭаҳәара иабанӡаилшауеи. Уи иҭахын
ажәала еиҭеиҳәарц агьаргьалас иаҵаркыз ацә аблақәа
зеиԥшраз, иаԥшышьаз, урҭ ирхибаалаз. Ишилымшоз агәра
игеит. Баша амала атетрад абӷьыцқәа ԥыжәжәаны икаиԥсон.
Егьа ажәа лыԥшаахла иҩыргьы, иҩны даналгалак, ҭынч
данаԥхьалак, игәы иҭази ибла ихгылази, ақьаад изанҵази
шеицәыхараз, абжа аиҭабжагьы шизымҳәаз ибон. Уи аблақәа
рсахьа аҭыхразы иажәақәа шизымхоз аниба, ахҭыс ахаҭа
ауаатәыҩса рымҩа инаҿирԥшит. Ҿыц зыхәда ауӷә ықәырҵаз
ацә еиԥш, зны иҭрысны, амҩан иаарыԥгыло зегьы рхәашо
рҿыҩархоит ауаатәыҩса. Шаҟа иласны ицо, убасҟак ирласны
иаанагоит иахьыҵҟьаз аҭыԥ аҿы. Агьаргьалас иахагьежьаауан
ацә. Ашьамхқәа кәадахо ианалагоуп ажәҩан ахь ианынаԥш.
Уара уда исыцхраауа ҳәа аӡәгьы дсымам, цәгьарас иҟасҵазеи,
сыхәда иқәҳаз закәызеи, усыцхраа соушьҭ ҳәа изшаз иашьапкуан. Аӡы иааҭыҵызшәа, ԥхыӡла аҽакәабеит, ашәах
аҿачит, ма арымарахь, мамзаргьы арыӷьарахь шьаҿак ҟамҵо,
мҩахәасҭак иҭаршә, иааҟәымҵӡакәа ихагьежьаауан. Ашьац
цәыҳәҳәаны ацәа ахнахит адгьыл. Уаҳа налымшо, абз ҭҳәа,
ашьапқәа еимыртаӷа ианаангылалак, дҿаԥха-ҿаччо, ифырмахьц рыхха дасуан аԥшәма. Ииҳәозгьы акакәын.
– Уца, дад, уца! Уҭрыс, уеиха ԥхьаҟа! Шаҟа ашьамхы
урҵысуа, убасҟак ирласны уҭаслымхоит! – иааира дук згаз
аинрал иԥшышьа иман уи анхаҩы.
Атәыҩа ҵарқәа ажәҩан агәаҵәахы иалақшауа итәҩасуан.
Ашьа рхыҵәалон аблақәа. Ԥхьаҟа, даҽа ԥыҭк ԥхьаҟа
инеихар, иқәҳәан иканажьып ахәда иқәҳаз. Ишаҭахыз
иахьықәыз адәқәа рахь ицап, абна-ккара аҽаманадап. Ҳәаа
рымам адәқәа, ахәадақәа, аԥсҭақәа. Ҳәаа амам ажәҩан.
Ишьҭрақәлоит, иҭагьежьаауеит џьарак. Шьаҿак иадамхаргьы
иамуит, ирзааигәамхеит анаҩсан адәаҿы иҳәуа аҩызцәа.
Иҳақьԥсықьуа иааҭгылеит. Аԥышә хыџьгәыгәын хыҟаԥ
шьааӡа иҩшьҭнахын, ахақәиҭра фҩы алшәшәо ашьхарахьтә
иасуаз аԥша ахәлагало, ишамчыз ибыҩҩит.
Иҵыкка, зыҵа кылҵәоу аҳаԥшьеиԥш иҭацәын, аӡиа еиԥш
иҿаҳан ажәҩан, иҳашҳатәараха, зегьы рзеиԥшны, харантә
иааԥшуан ашьхақәа. Ишырҭахӡамыз, знык аҟара иара ашҟа
иааԥшитоуп иарҭхаџьхьаз ажәқәа, нас ишҳәыц, рԥышәқәа
нышьҭшьуа аҳәра иналагеит.
– Уанышәа, дад, уанышәа, – аҵыхәҵадқәа рҽеиуа, ахәда
инапы нықәишьит аԥшәма. – Ашьшьыҳәа ухәда наҵак ауӷә.
Ашәақьқәа рыԥсақәа иреиԥшнишьалеит ацә атәыҩақәа.
Убасҵәҟьа иҵаруп. Ирацәоуп, ирацәаӡоуп урҭ ашәақь ԥсақәа…
Амра ахаҭагьы агьаргьалас иаҵаку ацә еиԥшоуп ишеикәшо.
Азнык азыҳәан ианиҵеит, аха нас иҵәаӷәеит даҽа хшыҩҵакык.
Агьаргьалас иахагьежьаауаз ацә иахьҭагьежьаауаз изахыс
раҳа, изқәыц амҩа инаныҵны даҽа мҩак ишзанымлауа еиԥш,
амра ахаҭа, шәшыҟац, аԥсабара шәшашаз убас шәаанхоит
шәарҭ, ауааԥсырагьы. Ироман аҿы уи ахшыҩҵак зҳәашаз, изнаалашаз дарбаныз идыруан. Аха нас изигәамԥхаз здыруада,
инахьшьны иҵәаӷәеит.
Ҭарсхан игәалашәарақәа дрылан. Дзацәажәашаз дахьиоуз
деигәырӷьаҵәа, игәҭыхақәа рҳәара даҿын иԥсҭазаара шҽеим
гәынхәҵысҭала еилызкаауаз, аха арҽеишьас иамоу ҳәа ззымдыруаз Саҭбеи. Илашәарыца уажәы-уажә иназҿиҭуан «Ҭарс!
Ҭарс!» ҳәа, – уи ахьӡ иҳәацыԥхьаӡа, иара ихьӡ иҳәаз џьшьаны
дынхьаԥшуан, дааԥышәарччон Ҭарсхан. Еиҿырԥшракгьы знык
аҟара ихаҿы инцәырҟьа-цәырасит, аха иччархәуп иҳәан, мап
ацәикит. «Абри алашәарыца шыҟоу еиԥш аԥшәма изыҳәан,
иара имаҵ шауа еиԥш, иара ииҳәауа ишазхәыцуа еиԥш,
иара изыҳәан аԥсы шҭоу еиԥш, шаҟаҩы ахацәа бзиақәа ҳәа
ззуҳәаша, даҽа џьоукы рзыҳәан рыԥсы ҭоузеи, тәцәас даҽа
џьоукы ирымоузеи». Еиҳарак дацәшәаны ари ахшыҩҵак,
аиҿырԥшра мап зацәикыз ихаҭа, ԥсабарала ишәҟәыҩҩыз,
иҵарауаҩыз, аха лахьынҵала ишәҟәыҩҩреи иҵарадырратә
усқәеи ирԥырхагахаша аусқәа ихала, инапала иҟаимҵалар
амуа иҭагылаз. «Усҵәҟьа акәым. Сара схы мацара сахәаларц,
схазы мацара акы ҟасҵарц азыҳәан акәым Виқтор Ҭахәыциԥа сызицхраало…» Уаҳа дагәыламлеит.
Шьыжьхьа шааифалак, итетрад жәпа аашьҭыхны, уаҩы дахьимбаша дцап. Даныхәыҷыз, актәи акласс даналгаз аԥхынразы,
иаб дҭаркаанӡа, ахьшьцәа дрыцҵаны ашьхаҟа дааишьҭхьан.
Ҩымчыбжьагьы дыҟамызт. Игәалашәеит изакә мшы цгьақәаз
ирықәшәаз. Ахьҭа илалеит. Иԥсыԥ изымго ихәда ихьуа даналага, ишьхыҵуаз хьшьцәақәак дрыцҵаны аҩныҟа даарышьҭит. Уиаахыс уаҳа, агаҿантәи дааԥшны ибахьан акәымзар, шьхатәыла
днанамгацызт. Аԥсҭа еиҩхаақәа, игәыҭҟьагаха ажәҩан иаҵасуаз
ашьха еибаркырақәа, уаарԥырымҵӡакәа уззыӡырҩлаша арҩаш
ҭаҽҽарақәа уҳәа, ихы ихадыршҭуа дзыргачамкқәаша зегьы
реиҳа, излаигәаԥхаз аҳәара ицәыцәгьаны, Ҭарсхан бзиа ибеит, дыхнахит аԥсаҵлақәа рымҵа. Акәҷарақәа ирхатәоу аҟәарҭ
амҵәыжәҩақәа реиԥш, рымахәҭақәа шьҭассы илашьҭны, ақәа
кыдҵәаны илеиуазаргьы, рымҵақәа бахҵәаӡа, иҿыхаааӡа
иласӡа аҳауа, урҭ рымҵан дантәоу ихы убас акәын ишибоз,
дахьиз дахьааӡаз ҩнык аҩнуҵҟа дныҩналазшәа. Илабжышқәа
хаҟәҟәало игәанала иҵәыуеит, шәиԥхьыӡ назишьҭит илахьынҵа,
нас уи ашәиԥхьыӡ азышьҭра днаҟәыҵит, ихы дазаӷьуа далагеит. Ихаҭа иоуп зегьы зхароу. Игәшаҭароума? Агәаӷьра ахьилам
иахҟьома? Зегьы даарҟәаҵны, аӡәгьы игәхьаа мкыкәа, уаҳа
даҽакы дазымхәыцуа, ирҭахызар иркьыԥхьааит, ирҭахымзар ус
ишьҭазааит, аха иара изыҟаимҵозеи иуалу. Икалами иқьаади
неиқәымхуа аԥхынра зегьы аԥсабараҿы, абарҭ аԥсақәа рымҵан
ихигалар, аӡынгьы дахьтәаша акы иԥшаап. Дзашьҭаларызеи.
Ақыҭаҿы дынхоит иан. Иаб иҩны уаҟа игылоуп. Аха урҭқәа зегьы баша хәыцран.
Игәы нзырхашаз усқәак шизыҟаиҵахьазгьы, ибзиара
қәагьыы ахьидыз, насгьы дахьеиликаауаз азыҳәан илабара,
иацәажәара днеилаҳаит аӡыхь ашҟа иналбааз, ианшьа ду,
ашәҟәыҩҩы Адамыр Арҭанба. Иаргьы ашьжьымҭан деилахазар акәхап, саргьы стетрад акы нанысҵақәап. Иацы амҩан
избаз абаа хырӷәӷәарҭа, аҩырақәа анны исымԥыхьашәаз
ахаҳә… Урҭқәа сдиссертациа азыҳәан, амҩан исықәшәаз, издырыз ахьшьцәа шәарыцаҩцәеи нас агьаргьалас иаҵакыз
ацәи уҳәа сахьаркыратә ҩымҭақәа рзыҳәан…
Аус абаууеи, ухы зланыҟәугозеи ҳәа Саҭбеи даниазҵаа,
наукатә усзуҩы еиҵбуп иҳәеит, егьи, даҽаџьара дышицхраало имҳәаӡеит. Виқтор Ҭахәыц-иԥа иажәахәқәа рҿы анаукеи акультуреи ирызку ахәҭақәа иара ишиҩуа иҩызцәа
ирцәиӡомызт, аха иԥсы иахирӡаауамызт атәымуаа рҿы. Ихаҭа
гәҩарас дҟарҵар, гәрамгарҭас дышьҭырхыр ҳәа дацәшәомызт.
Уи измырҳәоз зынӡаск даҽакын. Зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы,
игәеиҭахьан, реиҳараҩык ус акәын ишыҟаз, ҭынч, гәаартыла
ишеицәажәо, иара дзыдҳәалоу ауаҩ дызусҭоу анааилыркаалак, абырсааҭк рцәажәашьа аҽааԥсахуан. Џьоукы ргәы иҭоу
аҳәара иаҟәыҵуан. Ибоит аргамаду игәы иҭоу акәӡам ииҳәауа.
Егьа уҽазушәаргьы, аиаша узирҳәаӡом. Даҽа џьоукы зынӡаск
ацәажәара иаҟәыҵуан. Урҭ дрызгәааргьы ицәымӷымызт, избанзар еиликаауан. Иара ицәымӷыз, Виқтор Ҭахәыц-иԥа
ицхырааҩс дшыҟаз зимҳәоз даҽа џьоукы рзыҳәан акәын.
Урҭ рцәымӷраҿы мацара даанхомызт, ихәымгаишьон, ихаҭа
дахьуаҩу, ауаатәыҩса дахьырхыԥхьаӡалоу ԥхаишьо далагон. Инеибеиԥшны рыблақәа ирхыҳәҳәылаз акы акәын –
амҵақьақьара, аҳәыркьира.
Ус ахьыҟаиҵаз, ихы ахьимпыҵҟьаз дақәыӡбаноуп итет-
рад ишаниҵаз. Аԥшәма иаамышьҭахь уаҳа аӡәгьы дахьи
зымдырӡоз ара хбыџк аҿы дыҟан. Иҭамадаз, ҳәарада, аколнхара ахантәаҩ иакәын. Знык иамуа, ҩынтә иамуа, убри
аҭамада, зхы замхакәачрашәа иҟаз, Ҭарсхан дыхҭаикит.
Реиҳа пату иқәҵаны даниацәажәозгьы, иқьышә дықәҵаны
акәын дышцәажәоз. Дгәааны чысеишәа дахыҵны дцар,
иԥхеишьеит. Жәа имаикыр, ачысеишәа еилеигон. Аныҳәаҿа
аникуаз, аҳәашьа азыԥшааны, иажәа иналаиҵеит Виқтор
Ҭахәыц-иԥеи иареи шеиҩызцәоу, иажәахәқәа рыҩраҿы дышицхраало. Исымҳәандаз, ԥаса, тәамбашақә дансацәажәоз
иаҳа исзеиӷьын иҳәо аҟынӡа днеигеит уи ауаҩ. Амҵақьақьара
рхыжжыла иҭәит иблақәа. «Ҳасас дахь Ҭарсхан» – иҳәон
дааҟәымҵӡакәа. Ихьӡ шиҳәалак, аԥхӡы иқәнаҭәон. Игәышԥы
иаԥхьаҟа иргыла, ицәажәашьа сара сыда дыҟам ҳәа аанагоз
ауаҩ, иаалырҟьаны иоураҵәҟьа еиҵалеит. Аҵәыцак ааникылар, ажәа лыԥшаахс иҟоу зегьы нахҳәааны, Ҭарсхан ишҟа
аҿааирхон аныҳәаҿа. Ҳзыхшаз, ҳзааӡаз аиҳабацәа ҳәа,
жәытәнатә аахыс иаԥыз аныҳәаҿа иара иааирҳәит.
– Знапы ҳаныԥшылауа, иаҳхылаԥшуа, амҩа иаша ҳақәызҵо
ҳаиҳабацәа-ҳнапхгаҩцәа анцәа иҳагимырхааит. Уныҳәаҿа
ҳҳәахьеит, Ҭарсхан Ҭемурович, аха араҟагьы изаласҵо, уаргьы
аиҳабыра рыгәҭа уалагылоуп…
– Абри иоума, уара, ҳара ҳзыхшаз-ҳзааӡаз, – Ҭарсхан ихы
иақәиҵартә, иқьышә дықәҵа, тәамбашақә ҿааиҭит, иижәыз
аҵәцақәа злысыз ҭаҳмадак.
– Абарҭ роуп ҳара знапы ҳанԥшыло, уара иуздыруам акәымзар, – игәышԥы ҩышьҭыҵит аҭамада – аколнхра
ахантәаҩы.
– Уи инапы ианыԥшыло уара уоуп, дад, уара. Сара знапы
саныԥшыло абни иоуп, абни, – ажәҩанахь инаирххеит инацәа.
Датәамбаӡакәа дахьихцәажәаз игәы иааҵаххит Ҭарсхан.
Аха адырҩаҽны уи аицәажәара даназхәыц, изигәаԥхаз,
иблокнотгьы изаниҵаз, аҭаҳмада иажәақәа ирылибааит иара
ихаҭа анцәа дыззишаз – ауаҩы иуаҩра ахьчара. Ишәҟәыҩҩра
ззикырц ииҭахызгьы убри акәын. Абри аҵыхәала изныкымкәа,
еицәажәахьеит, акьыԥхь аҿы ишизырҳәало еиԥш, зыԥсы
ҭоу аклассик Адамыр Арҭанбеии иареи. Еицәажәаракгьы
ишааҟаҵәҟьаз ианиҵеит.
– Уара ишԥеилукаауеи уи, ауаҩы иуаҩра ахьчара?
– ишьамхқәа еиқәыршә, акресла тата дықәтәан Адамыр.
Иҭаҭыныжәга днаҿыхон. – Аӡәгьы иҿаԥхьа, акгьы аҿаԥхьа
ихы лаимырҟәуа дыҟазарц, – инаҳаракцәашәа, иршәҭы
какаҷцәашәа ишҳәаз еиликаауан, аха даҽа ажәақәак
изымԥшааит. – Аҳы, уи бзиоуп. Аӡәгьы иҿаԥхьа дымхырхәо,
акгьы аҿаԥхьа дымхырхәо? Усоума? – инацәаду инахарӷәӷәо,
иҭаҭыныжәга неиҿеикит. Даахәыцхәыцын, изҵаара аҭак ихала
иныҟаиҵеит. – Уи ԥсыхәа змамоуп, Ҭарсхан. Ауаҩы дзыцәшәо,
днызкыло мчык ихагылазароуп, мап анакәха, дқәыџьмахоит,
длахоит, дҳәахоит. Уақәшаҳаҭым, избоит.
– Уи шәареи сареи ҳзыҳәангьы ицәаԥҽыгоуп, ҳланар
ҟәуеит…
– Мчык ҳацәымшәозар, иара уара ухаҭагьы, абри сара иубогьы ҳзакәхашаз, иҟаҳҵашаз анцәа идырп.
Акраамҭа еимаркуан. Аҵыхәтәан иаҳазоуп Ҭарсхан ихы
далазырԥшыз.
– Уара, ашәҟәыҩҩы қәыԥш, ииашаҵәҟьаны ԥсабарала
абаҩхатәра змоу, акы суазҵаашан ашәҟәыҩҩы қәыԥш Ҭарсхан
Ҭрамба, уара уарӷьа напалагьы уарма напалагьы уҩуама? –
аӡәы ииркырц иҭахызшәа инапы еиҵых, иҭаҭыныжәга даанахан, иара ишҟа дымԥшӡо ҿааиҭит Адамыр.
– Сыҩнапык рыла сышԥаҩуеи? Исзеилымкааит.
– Иаҳа еиӷьын уҩнапык рыла уҩуазар. Ианамуӡах ухы
злаухьчаша иаҳа иуҩуан. Асахьаркыратә ҩымҭақәа сарӷьа напала изҩит, уброуп сара сызусҭаҵәҟьоу ахьыҟоу, егьи, сарма
напала изыҩқәаз шәрыхәамԥшын ҳәа ма иуҳәаларын…
Изхиҳәааз еилкаан. Адамыр игәамԥхеит Виқтор Ҭахәыциԥа изыҳәан ажәахәқәа шиҩло аниеиҳәа. Адепутат,
еизарацыԥхьаӡа апрезидиумқәа рҿы итәоу, апартиа иалоу,
аиҳабыра рнапы дықәыргыланы ирбо, Ҭарсхан агәра ганы
дыҟан, иаргьы урҭ иҽхьрыдиҳәалаз, русқәа дахьрылахәхауа
иаҳагьы деигәырӷьоит, имаирҽхәоит ҳәа. Уи игәаанагара
иара изыҳәан акыр аҵанакуан. Исахьаркыратә ҩымҭақәа
ирыхҳәааны арецензиа аниҩлак акьыԥхьра иаԥсам ҳәа
акәмызт уи ишиҳәоз, кьыԥхьшьа рымам ҳәа акәын. Кьыԥхьшьа
рымам рҵакы аганахьала, аамҭа изланымаало ала, аха ус
акәымкәа, даҽа аамҭак иадкыланы урыхәаԥшуазар, насгьы
урҭ шаҟа ибеиоу ажәа сахьаркла иҩу ухаҿы ианааугалак,
абаҩхатәра ду шимоу мап узацәкуам. Ус анакәха, уи иҭахуп
изыҩуеи ҳаамҭеи еинсыршәарц. Саргьы исҭахуп, аха иауам. Дысзеилкаауам. Изыҩуеи ҳаамҭеи еинсыршәарц иҭахуп,
арахь аус рыдсулар иҭахӡам. Ҭарсхан ихаҭагьы акырынтә
длакҩакхьан, ихы дақәыӡбахьан. Сара сылоуп Виқтор Ҭахәыциԥа амаҵура ду ахь дызлаҩеиз, уажәгьы снаицхраақәар,
исҭаху, сзыргәаҟуа сызицәгар, нас ихаҭа имацара иакәым,
дзыҩнатәоу ахаҳәтә ҩнгьы слымҳа саркьада избараҳа амԥан
сықәларым. Сара иӡбаны иаԥысымҵеит, сара аԥыхра сылшом.
Аҳынҭқарра ыҟанаҵ, иҟалоит анапхгаҩцәагьы. Иажәахәқәа
ишеибгоу изыҩуа даҽа џьоукуп. Уамак иҟоузеи сара истәу
ахәҭа. Угәы иаҭаху зегьы уара иузҭода! Ақалақь ашҟа
ҳаиасызараахыс, уара утәаӡам, уск уаҿуп ҳәа исаҽԥнылҳәеит
сыԥҳәысгьы. Уи иҟалҵаз аҽԥныҳәа иаҿаиргылашаз иман.
Иԥсыҽзаргьы аус иара итәым. Руак. Егьи, имаҵураҵәҟьа,
наукатә усзуҩы еиҵбыс дахьыҟоу – анцәа дазишеит. Иара
итәызма, Марина, ишсабҳәара Марина – Мадонна, анцәа
дыззишаз акәызма ақыҭаҿы дызҿыз? Аинститут даналга,
рҵаҩыс ақыҭахь аусура данцозгьы Ҭарсхан идыруан иара
иԥсҭазаара азикырц ииҭахыҵәҟьаз даҽакы шакәыз. Ҵаны
рҵаҩыс аус ахьынӡаиуаз, илшоз акы рыгижьуамызт аҵаҩцәа.
Апеременақәа раангьы акласс идәылымҵуа, бзиа дырбон
иаргьы. Аха иара иахьагьы уахагьы дзызхәыцуаз даҽакын.
Ижәлаҵәҟьа аҵаиҩыр иԥхаишьон. Ихҭҳәааз жәлак аҵаҩ
ны, статиақәак, ажәабжь кьаҿқәак аниҵалон араионтә газеҭ.
Ирыҵаҩыз ижәлаҵәҟьа шакәмызгьы, данахәаԥшлак гәахәарак
наилсуан. Иагәылԥҟааны иџьыба иҭаиҵон. Ажурналқәа
рдаҟьақәа рҿы, ашәҟәқәа рцәақәа рҿы ижәлаҵәҟьа, ихьӡ
ҵәҟьа ҿаҿаӡа ианны ибла иаахгылон.
Аамҭа цон, ихьӡ ижәла џьаргьы ианны ибомызт. Реиҳа
дзықәгәыӷуа иҩымҭақәа реиҳа инахараны иҵәахыр акәхон.
Ихы дазгәаауан, азхәыцра далагон иааимпыҵԥааны
иркьыԥхьыртә иҩырц. Аха акгьы алҵуамызт. Акьыԥхьразы
рыҭара акәым, усеиԥш мчыла ииҩуаз, аҵәахраҵәҟьагьы
иаԥсахомызт. Иҩны дшаалгалак, мамзаргьы инаигӡаанӡа
иԥжәаны икаиԥсон.
Убри асааҭқәа, убарҭ амшқәа раан, уахынла ицәа анҟьалоз,
ҽынла ихы имагәхьааха адәы данықәхоз, шаҟантә иҳәахьааз,
иганахьала иӡбахьааз уаҳа қьаади калами еиқәыскуам, анцәа
иџьшьоуп, уи ачымазара схызгеит ҳәа. Аха мышқәак набжьысуан. Абӷьқәа казыԥсаз ҭагалан иацааиз аӡынрагьы ниасуан,
еиҭах апытҟәырқәа ашәра, атҟәацра иалагон. Аԥҳәыс ишылдыруа еиԥш лыхшароура аҿҳәара шааиз, гәынхәҵысҭала
еиликаауан даҽа ҩымҭак аԥҵара дшазхиахаз. Ихаҭа ихигаз, изааигәоу аӡәы дзықәшәаз, ибзианы иидыруаз… Еснагь аҭыжьырҭеи иареи еимаркуазгьы убри акәын. Асеиԥш
аԥсҭазаараҿы иҟалом анырҳәалак, изхызгахьаз ихаҭа иӡбахә
реиҳәон. Исзымҩызар, сахьаркыратә ҩымҭоуп уҳәартә
иҟамзар, уи даҽакуп, исыдыскылоит. Ҳара ҳаԥсҭазаараҿ ари
аҩыза ҟалашьа амам, арҭ реиԥш иҟоу аперсонажцәа уаҩы
иԥымлац шәымҳәан. Дышәзаазгап, дышәсырдырып изхызгаз
ихаҭа.
Уахык, аҵх агәахьы инеиаанӡа Адамыр Арҭанбеи иареи
реицәажәара ашьҭахь, уи иабжьеигаз ала, агәра игеит иара
изыҳәан ишеиӷьу дызхаану, иаамҭазтәи аҩымҭақәа раԥҵара
даҟәыҵыр, изымчҳакәа иҩӡаргьы, акьыԥхьразы џьаргьы рнагара иаԥсам. Баша амала иаргьы игәы ԥжәоит, даҽаџьарагьы
иԥырхагаша аӷацәагьы ирҳауеит. Адамыр дақәшаҳаҭымхеит,
иашоуп, блаҵахәыла ихәаԥшуа аӷацәагьы ирҳауеит, аха
аҭыжьырҭаҿы ҩыџьаҟа, еиҳарак руаӡәк, иҩымҭақәа рҭыжьра
шилымшогьы, ҩыза гәакьак иаҟара пату шиқәиҵо убри
азыҳәан мацарагьы аҩра ишаԥсоу. Усҟак ихы зиргәаҟрызеи
иҟаиҵаша даҽакы шыҟоу. Ауаҩԥсы, дад, ашәҟәыҩҩы қәыԥш,
иахьа дшааубаз, иахьа дшааҟоу еиԥшҵәҟьоуп Гомери Шекспири рхаангьы дшыҟаз. Иахьеиԥшҵәҟьа убасҟангьы уи
дыцәгьашьыцуан, амаҳагьара ҟаиҵон, днаԥхаҩын, шьа-
ла иҟьашьуан агәыԥҳәыхш, иахьеиԥш убасҵәҟьа бзиабарала дҭәын, изгәакьоу диԥхар дгәырҩон, аӡаӡа пҟышқәа
дреигәырӷьон, амра дазышәаҳәон. Сынтәа аарцә аԥаҩ иадсылоит. Ҽааны нырцә аҽаднакылоит. Аха аӡиас аанхоит ишӡиасу.
Уи аиҿырԥшра ааигеит хшыҩҵакык алаиҳәарц Адамыр. Аамҭа
мҩа ҿыцқәак инарбаргьы, ауаҩы даанхоит аԥсабара дшашаз,
анцәа дхазҵо иҳәап, анцәа дшишаз ҳәа.
Аухаҵәҟьа дақәшҳаҭымхеит. Мшқәак ракәым, мзақәакгьы
дазхәыцуан.
…Адгьыл ужәра илашәеит арыц. Аинститут даналга ашь
ҭахь, аус иуларц ахьиҭахыз џьара заҵәык акәын. Аҭоу
рых ахьҭиҵаалаша. Иусурагьы аҭоурых аҭҵаара иазкхар,
ишәҟәыҩҩреи иареи иаҳагьы ихеибарҭәаауеит. Инациҵеит
Адамыр иеиҳәаз даҽа хшыҩҵакыкгьы. Ауаҩԥсы иҟаиҵо мацара акәым, инарҵаулан аҭоурыхтә аамҭақәа рышҟа иугар ауеит
ҳаамҭазтәи ахҭыс дуқәагьы. Ҿырԥштәқәакгьы ааигеит. Ареволиуциа, аибашьрақәа. Уара, Ҭарсхан, уқыҭан Аԥсара дыҟоуп асовет аамҭазтәи Аԥсны аҭоурых зегьы шаҳаҭс иамоу – Бақьыр-иԥа
Ҳараз. Теориала усҟак иеилкаарақәа ыҟамзаргьы, апрактикаҿы
уи ииҭахыз, дыззықәԥоз, иԥсҭазаара зыхҭниҵаз иарбану?
Ауаатәыҩса рҭоурых аҿы изныкымкәа иззықәԥахьоу, ашьа
зызкарҭәахьоу, аҳәынҭқаррақәа заадырҳәхьоу. Ауаатәыҩса зегьы зинлагьы маллагьы еиҟаразарц. Ига аҭоурыхтә аамҭак, дад.
Убри ауаҩ убрахь, аҭоурыхтә аамҭа ашҟа диага. Убас уҿынаха.
Игәаҭа зеиԥшроу акәым, ажәала ипатреҭ ааҭыхны убрахь иааугар, ари аҩыза ауаҩ усҟантәи аамҭазы дыҟамызт ҳәа ахаан
ԥхьаҩык иҳәараны дыҟаӡам. Дааԥышәарччан, инациҵеит. Ҳарҭ,
умҩа зкуа урецензентцәагьы претензиа ҳауам уара ушҟа. Убри
азыҳәан, дад, абыржәнатә иҟауҵаша убри ауп, аинститут аҿы
аҭоурых-филологиатә факультет уахьҭоу, уаҟа ибзианы аҵара
ахьуҵо, уахьалго зынӡаск иузхом.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3320Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3287Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3310Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3343Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3305Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21960.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3387Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3382Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3392Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3405Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23550.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3386Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23030.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3410Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3265Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3370Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.