LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
Süzlärneñ gomumi sanı 3312
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
удырган, мчык, мчы еиқәаҵәак анапаҿы хәмаргас уҟалеит,
ажәларгьы баша урызгәаауеит.
Хыхь мчык ыҟоуп, иеиқәырхара алшоит ҳәа агәра шимгозгьы, илахь-иџьымшь ӡатәуа, имдырра даҭанаимҵарц
анцәа диҳәауа, иҟәарч аҽны дындәылҵит, аха ашырҳәа
деиҭаахынҳәын, џьара данцо амца машәыр ҟанаҵар ҳәа
дацәшәаны акәызҭхақәа дшынарых-аарыхоз еиԥш, ҟаԥшьи иареи еидымкьысларц, еизааигәамхарц, ашәҟәыԥшьа дааҩахан,
хыхь инықәиҵеит. Алашьцара имнахаанӡа деиҭаԥхьалап уаха.
Гәынхәҵысҭала иеиликаауан Ҳараз иара изыҳәан ибзиаз, ихазы иҟаиҵашаз. Иԥсҭазаара зегьы азикит, идырреи имч илшареи акы дамеигӡакәа ирыхҭниҵеит џьоукы, џьоукы рҳәахьа,
џьоукы рус. Есымза шаҟа мааҭ ишәаз аамышьҭахь, уаҳа акгьы ианамыҳәаӡо, ашьа иӡааршьызшәа иҟаԥшьӡа, ицәарҭаӷәы
иаҵоу абилеҭ заҵәык изаанхеит уи аус аҟнытә, ихаҭагьы дахьаанагаз ибоит. Убри агәра шигауаз еиԥш агәра игар даҽакы,
иара реиҳа дызҿагылаз, имариахон изаанхаз имшқәа рыхга-
ра. Аха иауамызт, уахь уаҳа хынҳәышьа имамызт. Иҵарбаҟа
иаиркхьаз ашә-гәашә аартра амч ақәхомызт ихшыҩ. Агәашә
ҳарак, ахаҳәтә гәашә иадхалаз ауаҩ аанда адыԥшылара дшалаго еиԥш, дзыдхалаз агәашә аартраҿы ихәозар ҳәа дгәыӷны,
Бақьыр-иԥа Ҳараз игәалаиршәон данқәыԥшыз, уи ашә-гәашә
изакаанӡатәи ашықәсқәа. Усҟан Аԥсны акәым, Урыстәылагьы
иамысцызт ашьа аԥштәы змаз аурҭ, иԥсҭазаара зегьы
аазырҳәыз, ацыхаӡы анымҩахырго еиԥш, даамҩахыганы даҽа
мҩак дықәызҵаз, иԥхыӡқәаҵәҟьа зыԥсахыз, Адагәеи иареи
еиԥымлацызт, шықәсык аҟара акәын иҵуаз аурыс ҳәынҭқар
ихьчаразы ицаз иаб иашьцәа, «адабрауолеццәа» хынҳәижьҭеи.
Ибла даахгылоит арԥыс ҵәрышкәак. Ианыхьҭоугьы ианшоуроугьы апырпыл рхьыршьызшәа иҿыҟаԥшьаауп иӡамҩақәа.
Аԥсра изаҩызан аҳәса рыбла дхыԥшыло ацәажәара.
Имышәхәы ааиныҩлоит. Аҳабла иалҵаанӡа ижәцәеимаақәа
ишьазарц иан длыҳәеит. Игәыла ҳәсахәыҷқәа ирбарц
иҭахымызт ишьапы хтны, ижәцәеимаақәа ишьхны амҩа
дшану. Зегьы излареиҳәарызеи аныха иамҵало аныхабаа аҟынӡа уеизгьы-уеизгьы ишьапы хтны дцароуп ҳәа.
Итата-татаӡа, иҿыцӡа ажәцәеимаақәа шимоу рбалааит
ианамуӡах. Ршьацҳәақәа неидҿеиҳәалан, ижәҩахыр инахишьит. Уи бзиоуп, дақәшаҳаҭхеит иан ианылмуӡа. Илмырбакәа
ишьеиҵарц зныкгьы иҽазимкит. Аха иамуит, димжьакәа,
ишиҳәоз изынамыгӡеит даҽакы. Араса иалхыз лабак наилыркит. Уан дукәыхшоуп, абригьы науҵарсуа уцалароуп. Ди,
бара бажәызар, ибыҵарсла. Сара алаба сҭахӡам. Ус иахәҭоп,
нан. Ҳазшаз ус иҳәеит. Иаанагозеи, ди? Алаба данырҵеит,
нан, Иасҭа Қьрысҭа. Уара узнырҵаз алаба саҵоуп сара. Убри
сыҵаргәоуп, исыманы суҭаауеит сыгәнаҳақәа санаужьырц.
Цас иауазшәа, ахәышҭаара ахәа еиԥш ишын асаба.
Днымҩахыҵыргьы ихҩааӡа игылан аҳаскьынқәа. Нанҳәа
ашыкьымҭаз акәхарын. Иан лызқәа дахькыдыԥшыло, аика
хыҟаԥшьааӡа, уажәы-уажә «ҟырр» ҳәа бжьык нахәылго,
аблақәа ҟәысҟәысуа ихәаԥшуеит, ашәыра иҭартәаны лызқәа
ихшьу арбаӷь. Акәтарцына угар ҟалаӡом аныхабаахь. Зегь
реиҳа еиӷьу аҟәарылоуп, аха уи умамзар – арбаӷь. Илаба
нарыхханы, арбаӷь аика инахьиркьысуеит, ац инааирхоит.
Ианааҟыжлак «ахьшь уагааит, ҭынч утәарауазеи!» лҳәоит иан.
«Ахьшьоума, ди, папа излеиҳәаз ала, апап иоуп ари згауа».
«Изҿаҵахәу игап, нан, изҿаҵахәу!»
Аныхабааҿы инеит. Инаԥар шьҭассы, ижакьа еиқәаҵәақәа
игәышԥаҿынӡа инеиуа, папык днарԥылеит. Ҳараз уи апап
дихамышҭуа игәалашәараҿы дызлаанхаз, шықәсқәак ааҵ
хьаны дызлеидырыз, иблақәа руак, иарма бла данцәажәоз
ихиҩон, жакьеи иблеи рыбжьара, нацәаҭыԥк иаҟараны
ашьана иман. Арацәа иҿшьыз џьшьаны, иҿы зимыӡәӡәозеи
ҳәа дизхәыцуа, дахьынӡаиныҳәозгьы убри ашьана акәын
дызхәаԥшуаз.
(«Ианҵала, Ҭарсхан, Ҭрам Ҭемыр-иԥа, уеизгьы-уеизгьы
ианҵа убри апап иблақәа руак шҵакыз, иӡамҩаҿы ашьана шамаз, избанзар, дад, ҳаԥхьаҟа уи апап иӡбахә иҵегьы
уасҳәараны сыҟоуп. Ага бӷьыци ашьха бӷьыци еиқәшәоит ҳәа,
ҳахьеиқәшәазгьы уасҳәап»)…
Ишҟыжуаз, ишаҭахӡамыз Ҳараз ихы инакәиршеит апап
арбаӷь. Ишьҭахьҟа игылаз, иара иеиԥшҵәҟьа, ишьҭассы ана
ԥар зшәыз ҭакәажәык иналиркит. «Шәара шәхынҳәны аҩны
шәааиаанӡа ихәылырххьан шәарбаӷь», – иҳәеит иаб аҩны ианааи.
Игәалашәоит, даҽазныкгьы ианысит убри амҩа иани
иареи. Адагәеи иареи еиқәшәан, ашьхантәи ианылбааз,
ҭагалан акәын. Иан лышьҭахьҟа иҽааникылан, илмырбакәа,
ршьацҳәақәа еибамыркыкәа, инаишьеиҵеит ижәцәеимаақәа.
Ишьапқәа рышьҭыбжьалоума, даҽа блақәак лымазу, изла
гәалҭазеи иан.
– Аҩсҭаа дуԥырхагахеит, нан, аҩсҭаа. Анцәа уаҭанаим
ҵааит. Ушьапқәа хты, нан, ушьапқәа хты!
Иԥсҭазаара ашьыжь азыҳәаноуп иан арҭ ажәақәа аниалҳәаз,
аҩсҭаа диҟәылыблаарц даналагаз. Усҟан, ианылҳәаҵәҟьаз
еиԥш дахымыччазаргьы, урҭ ажәақәа дырзымхәыцит иԥс
ҭазаара ашьыбжь агәазгьы, ашьыбжьышьҭахьрахь анхыҵра
ианалагагьы. Уажәшьҭа, иԥсҭазаара ахәылԥаз ааины, иҟәарч
ианылаԥш, рҵакы идырит ҳәа акгьы ихәомызт, ԥхыӡ бзиак
еиԥш игәалашәон аҟароуп. Шаҟа цәанырра аҵаҵаны илҳәоз
анаҩс, иацылҵоз ажәақәа.
– Иблақәа ҭихааит, ашьашәы дҭарыблааит аҩсҭаа! Иумбои, нан, дуԥырхагахеит. Умҩахҟьеит. Шьашәы дҭарыблааит,
шьашәы! – ижәҩахыр инықәылҵеит лнапы. Дааихан, лҩыҵра
дыҵакуа, дналгәыҵалкит, аӡәы дылцәигар ҳәа дшәозшәа.
Абжьааԥны аҵкыс иаҳа дмыццакыкәа, иаҳа ихы азышьҭны
инацылҵеит. – Иблақәа ҭихааит, ашьашәы дҭарыблааит,
иумбои, нан, дуԥырхагахеит, умҩахиҟьеит аҩсҭаа. Зылԥха
ҳауша, зылԥха ҳауша, – лылахь лыџьымшь лӡатәуан, илҳәауа
еиҭаҳәауа, –ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп, наҟ диԥырца, иԥсы
сзеиқәырха сысаби, унапы дануп. –Иаҳа лҽаалырҭынчит.
Лгәанала дматанеиуан. Иан дылҿаԥшуан Ҳараз. Уажәгьы
игәалашәоит уи усҟан лыԥшышьа шыҟаз. Лхы-лҿы убас илхалашауан, жәҩангәашәԥхьарак лзаатызшәа.
Уажәы, ақыҭа акалҭ аҿы, абнаршәырахьгьы дыҟамкәа,
ауаа реиланхарҭахьгьы дыҟамкәа, дықәҵырц аниӡба, џьоукы
драцәажәан заа иргылахьаз аҟәарч ҩны дахьыҩнатәаз,
иԥсҭазаара анеихишьалоз, хәыц-хәыц зегьы игәалаиршәон,
имҩахҟьаз аныҟәаҩ сабамҩахҟьеишь ҳәа дхәыцуа, дызнысыз
амҩа шьаҿацыԥхьаӡа ишигәалаиршәо, дшазхәыцуа еиԥш.
Ҳараз… Бақьыр-иԥа Ҳараз, игәы дынҭахәыцит, ма уажәгьы
акгьы уанамҳәаӡои убасҟан, аныхабаа шәамҵаларц амҩа
шәанықәыз, аҩсҭаа уаницәылыхьчоз, амҩа агәҭан даныматанеиуаз уан лҿынԥшылара зеиԥшраз? Издыруада убраҟа
акәзар иахьыҵәаху шәарҭ ишәыгхаз, ажәлари шәареи
шәгәы ахьеихшәаз зыхҟьаз? Ауаҩы зегьрыла игәы наӡаны,
зегьрыла иԥсҭазаара дақәгәырӷьо адунеихаан ҟалашьа
имаӡам, ус дыҟан, ус даанхоит џьанаҭ ҳәа шәызҿыз ҟаҵаны
шәалгаӡаргьы. Уи бзианы ирдыруан зықәхра шәаҿыз.
Аматанеира, убриала агәырҭынчра, аматанеира, убриала,
Ҳараз, аҽрыцқьара, шәара, дад, аизашшрала ишәыԥсахит,
аибаҭира ашҟа ииажәгеит. Агәынамӡара аазауаз, игәыла
днаизашшыр, убри ҿааҳәыра имоуа дизырӡыр, мамзаргьы
дизхырҵәар, адунеи иара изыҳәан иџьанаҭхоны ишәырбеит,
шәара шәхаҭақәагьы агәра жәгеит. Аҩсҭаа дуҟәлыблааит,
анцәа дышәҭааит, уи имҩоуп шәызқәу ҳәа агәра анылга,
иугәаларшәеи, лхы-лҿы лхалашара мацара акәым, лыбӷагьы
аалыриашеит ԥсаҭа шкәакәа уан.
– Нан дукәыхшоуп, иухоумыршҭыр, мышкызны уаргьы
ухәыҷқәа ироуҳәап. Ауаҩы, нан, иԥсы ахьынӡаҭоу, ҩыџьа
деимдырххоит. Ижәҩахырқәа руак аҩсҭаа дықәтәоуп. Уи
иахьагьы-уахагьы дашьҭоуп ауаҩы гәнаҳарак, ламысдарак
ахьиирҟаҵаша. Егьи ижәҩахыр дықәтәоуп аԥсыцқьа, ҳазшаз
Анцәа ду. Уи, нан, амҩа уирбоит аԥсыцқьарахь, ауаҩрахь. Уеимдырххоит, иааҟәымҵӡакәа уеимаркуеит урҭ аҩыџьа. Зны
аӡәы дгәырӷьаҵәа дҟалоит сара дызгеит, сара дыстәуп ҳә.
Усҟан уи ииҭаху уирҟаҵоит. Нас уицәигоит, нан, егьи. Ани,
шьашәы иҭарыблыша уанитәу, акы заҵәыкоуп импыҵыҵшьас
иҟоу. Иумбои абыржәы ҳахьцо? Аныхачаԥа ҳнамҵагылоит,
иаргьы днаҳԥырҵны дцоит. Ужәҩа иқәтәоу анцәа днықәицар,
нан, нас ишиҭаху дуқәиҭны, ииҭаху уирҟаҵо, уааимпыҵахоит
аҩсҭаа: шьашәы иҭарыблыша аџьныш. Убри азыҳәан, нан
дукәыхшоуп, уара еснагь узызхәыцлаша, анцәа дааныжьны,
аҩсҭаа ужәҩа дахьықәуцашоуп. – Ианылҳәоз, усҟанҵәҟьа, ибзиан игәалашәоит Ҳараз, лажәақәа дырхычча акәым, игәанала
анцәа диашьапкуан дихьчарц. Ашьҭахь, шықәсқәак анҵоуп,
еиҳараӡак аизарақәа рҿы, иҳәаны далгаанӡа ихаҭа ччараха
исуа, иан лажәақәа ччархәыс рыҟаҵара даналага.
Атуристцәа-ныҟәаҩцәа Ашәҟәыԥшьа анирҭоз, газеҭк
илаҳәан. Ашәҟәы ахаҭа аԥхьагьы, изныкымкәа иара дзыԥхьаз
убри агазеҭоуп. Уажәгьы иеикәарҽны аҭӡамц иавҵан. Еиҭах
днахәаԥшит. Уажәраанӡа дазымхәыццызт – агазеҭ ахаҿы ианыз ауаҩ исахьеи ибилеҭ ҟаԥшь иануи аӡәы ракәзаап. Агазеҭ
анеиҿкааз ашықәс, 1912 шықәса ҳәа ахьаныз дшахәаԥшуаз,
иааигәалашәеит, иара, ашьхеи агеи рыбжьара ишьҭоу ақыҭаҿы
ииз, зани заби шәҟәыԥхьашьа ззымдырӡоз ахәыҷы, убасҟан,
убри ашықәсазыҳәан дзеигәырӷьашаз уск шизыҟарҵаз. Убри
ашықәсаноуп данырнаҭыз, ашьҭахь, ихаҵарԥысра данаа-
ҭагыла жәлары зегьы ираҳауа мап зцәикыз. Ихыҵуааз Ҳараз
абри агазеҭ анхациркыз абри ауаҩ? Жәашықәса. Сара
санырнаҭуаз, аӡы санӡаархуаз, даҽа џьоукы сразҟы даҽакала
аӡбара иаҿын.
Инеиуеит асаба зынчылоу амҩа ианыланы. Иан лызқәа
икыдтәалоу арбаӷь аика нахьиркьысуеит илабҷашь. «Ҟыжт»
аргоит арбаӷь. Шаҟа ихараз иахьгылаз уи аныхабаа. Ақыҭа
агәҭаҿы акәын. Асаба ршьапқәа ахьабылуаз рзымхозшәа,
иазааигәахо ианалагалак, амҩа ахаҳә еиҟәырԥԥа аныԥсалан.
Убригьы ршьапқәа шыхту инылаԥало ианысыр акәын.
Ихаҭа иаҳауеит ибжьы, шықәсқәак анааҵ, аизарақәа рҿы
ииҳәауаз.
– Уаҩы ианажьтәым, узыхшаз уан лхаҭа лакәзаргьы, ауаҩы
ишьамхы арсны иргылара?! Ишԥаҳзыруаз, ишәгәалашәыршәа.
Ҳшьапқәа хырҟьаҟьа ҳрыманы иааиуан аныхабааҿы. Амҩан,
шәыххь згеит, асаба ушьапы аннылалак, ахаҳә еиҟәыԥԥара
ушьапашҵақәа анԥнаҟалак, угәырӷьаҵәа иаурсуан ушьамхқәа.
Шәахәаԥш, шәазхәыц, изакәы ҩысҭаараз ирыӡбуаз апапцәеи
адикәанцәеи! Ажәлар шәжьаны, шәҟаҭәаны шәызмаз.
«Сара сшамкәа сызшаз, ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп, –
иара иажәақәа ирылыҩны, инахараӡаны иааҩуеит иан лыбжьы. Аҩыџьегьы ршьамхқәа арсны аныхачаԥа иамҵагылоуп,
– уара, ԥсы зхоу зегьы зшаз, уара унапы данысҵоит, уара
дусҭоит, уараӡә заҵәык уиқәиҭыз, иааигәара дааумышьҭын,
наҟ диҟәыблаа аҩсҭаа, имдырра даҭанаумҵан».
– Шәыбла абзиа абааит, ажәлар шәхаҵкы, асаба зынчылаз ҳамҩа, ахаҳә еиҟәыԥԥара ҳшьапқәа ахьԥнаҟоз, ижәбоит,
шәахәаԥш акаҭран цыр-цыруа ишықәырҭәоу. Иабаҟоу иҿыжуа
амҩақәа ирныз шәуардынқәа? Урҭ рҭыԥан, ажәлар, шәыблала
ижәбоит иқәԥраа ишнеиуа амашьынақәа!
«Иԥсы сзеиқәырха, ацәгьа-мыцәгьа наҟ иҟәыблаа, ухьы
шьаргәыҵа сакәыхшоуп».
Ибла дыхгылоуп инаԥар ҵаҟанӡа ишьҭассы апап. Иӡамҩа
ҿыҵәҟьа еиқәаҵәаӡа иануп ашьана.
Аӡынра дынӷыҵсын, ааԥынразы, дшымгәыӷӡоз ҽнак ашь
жьымҭан иҭоуба анеилеига, иҽизнымкылакәа данцәажәоуп
абарҭқәа зегьы даныхҭарк, дызрылымҵуа данрылахаз. Уаж
әшьҭа рыцәцашьас иҟаны иибоз акы заҵәык акәын. Ауааԥсыра
ракәым, иԥсаатәыз, ишәарахыз, ԥсы зхоугьы изхамгьы ирма
ҳалар акәын ибжьы. Иамуит. Ихы ихадыршҭит аԥсаатә мҵәыжә
ҩаӷреи реиҳа анцәа дхазҵауа аныхачаԥа аҿаԥхьа дшымгылара, иҿаԥхьа иматанеиуашәа, аԥхьатәи ашьапқәа еикәаԥсаны,
аԥсаҵла амахәҭаҿынтә дахьцалак ихәаԥшуа, ҵыхәабаба,
ахәыԥшқа. Ааԥынразоуп иаҳа даныхҭарк.
Шьашәы уҭарблааит! – иҩҭирҟьеит ахысбжь инацҵаны.
Аԥсаатә мҵәыжәҩаӷра убас бжьык ҩыҭнацеит, агәаҵәахы
аҳәызба аларҵазшәа. «Ҳахәырҵәеит, ҳахәырҵәеит!» ҳәа,
– лҿыҭыбжьы ааҩит аҭакәажә Ҭаршԥҳа Ҭакәына. «Иамуит,
шәҳаӷрымӡааит. Зны акәлакцәа шәҳәан, иҳамаз ҳамышәхит,
нас еибашьроуп, ацхыраараз иаҳҭахуп шәҳәан, ԥшь-шьапык
зҵоу рахәык ҳазнышәмыжьит, ашьҭахь даҽакы шәыӡбит».
Илоуҳәозеи аҭакәажә. Улыццәажәар, лара улеиԥшхоит.
Дҭоукыр, ахьымӡӷ. Аҭакәажәцәа ҭеикуан рҳәоит. Сара сыдамздам даҽаӡәы ичҳауамызт лышәиԥхьыӡ: «Шәыблақәа
ҭышәхааит, иҳадыжәбалазеи анхацәа!»
Аԥсаатә амҵәыжәҩа-ӷра, иџьашьаны даҵаԥшуан, амахәҭа
ишнықәԥрааз аԥсҭахьы, ма ашьхаҟа акәымкәа, уажәшьҭа ухысла шаҟа уҭаху, сара сҿынӡа ааӡашьа умаӡам ҳәа ианаҳәарц
аҭахызшәа, ихагьежьаауа ажәҩанахь иԥрит. Аизара кажьны,
днапҟьа-шьапҟьо, даӷьуа днеиуан аҭакәажә.
Ишәақь нхаирҟәалан, апатрона ааҭыхны, дынҭаҭәҳәеит.
Инахараны иааҩуаз арҩаш ашьҭыбжь аамышьҭахь уаҳа
шьҭыбжьы мгаӡо, ԥсаатәкгьы ҷыт нахәламшәауа, аизараҿы
раикомк ажәа ииҭазшәа, еиқәышьшьы иааҭынчрахеит. Иҭоуба
уажәшьҭа усгьы иеилеигахьан. Изиҵәахрызеи ҳәатәыс иааимоу зегьы! Ажәҩан иаҵаӡыз аԥсаатә мҵәыжәҩа-ӷра ихы
ақәкны акәын ишиҳәоз. Иажәа иаҳа иџьбаран, имакрагьы
иаҳа уаҩы изыгәаӷьуамызт аколнхара ахантәаҩы данцәажәоз.
Реиҳа зцәа зхихуазгьы абригадирцәа ракәын. Изыхьӡузеи
анхаҩы усура дымнеит?! Иахьа усура дымнеизар, иацтәи иусурамш наҟ имх. Даҽазны дымнеир, имх идгьыл, имх ирахә,
имх ибжьы. Иажәа иаҳа инкылан, иаҳа ираамысҭашәаны
дцәажәон аусҳәарҭа ахантәаҩыс даныҟаз. Бақьыр-иԥа Ҳараз
ихаҭагьы ихашҭит шаҟантә иԥсаххьаз урҭ аҩҭыԥк. Аус злаз
араиком акәын. Раиком ҿыцк даныҟарҵалак, иаргьы дниаргон.
Аӡыхь ашҟа дахьнеиуаз, дааҭгыло, рацәажәара даҿын
илаԥш аазықәшәоз зегьы. Асы анрықәҳа, алӡынра анаара
иаҿаиан аасра. Уажәы рыбӷақәа аиҵыхра иаҿын, ижәуаишәҳәо шәақәиҭуп ҳәа зырҳәаз нхаҩцәақәак ракәызшәа.
Ибжьы неиҵыхны акраамҭа дацәажәон арҩаш анырцә
зыҽҩышьҭызхыз ахра. Анаҟа-араҟа имӡыҭыцкәа асы ҿыҭҳақәа
аҿажьуп. Рхахәы шкәакәа-шкәакәаӡа улаԥш нарықәшәоит
аҭаҳмадцәа.
Еиҳараӡак игәазхара дцәажәеит аӡыхь аҿы даннеи.
Ажәлар еизан, еилақь еилагылоуп аныхабаа аҿаԥхьа.
Иџьныштәарҭоу убри ахыбра дырбгароуп. Иҟам даҽа мҩак.
Уаҳа ҟаҵашьа амам дара зҿу аус џьанаҭ баҳчахароуп
аԥсҭазаара. Рыбла хнаҩеит абри ахыбра.
Ибжьы шаҟа изырдууа убасҟак ирласны инагӡахоит иажәа.
Аҟәиҭ-ԥсиҭ ыҟамкәа, аԥсы ӡаны, ашьшьыҳәа ицоит аӡыхь.
Иажәа нарыгӡеит иҩызцәа – иарӷьажәҩақәа.
Иҽааиқәикит. Иуасцәа хылԥа ахаҳә инықәиҵан, арашәаҩ
иԥсы анааиҭеикуа еиԥш, дааԥса-дкараха днатәеит. Уажәы
ацәажәара далагеит аӡыхь аҟара ибжьы рхәыҷны. Дцәажәон
ихазы мацара, уаҩԥсы иаҳарц иҭахымызт. Ихы игәалашәозар
аахыс убас дцәажәахьеит зны заҵәык. Уажәеиԥш убсҟангьы
иара ида уаҩԥсы имаҳаӡеит. Иҷкәын заҵәы дҭахеит усҟан.
Аҵәыуацәа анаамаҷха, аԥсы дахькҿаз дныҩналеит. Рхала
еизынхарц ашә наиркит. Сааҭкгьы ҩ-сааҭкгьы диацәажәон.
Ихараз зегьы еиҳәеит ашә мчыла иаартны иҩналаанӡа.
Ихы машәыр азиуз џьыршьеит. Ԥсы зхаз аӡәгьы имаҳаит
усҟан ииҳәаз. Анарцә даннеилак иаҽԥнимҳәароуп иҷкәын.
Дахьҭахаз иара, Ҳараз, Бақьыр-иԥа Ҳараз иоуп изхароу. Уаҳа
ԥсыхәа ыҟамызт, дад дукәыхшоуп. Иубоит схазы бзиарак
алызгарц саҿызар. Исанажь, уԥсы сакәыхшоуп.
Усҟан иҷкәын данҭахаз, аибашьра иаламгацызт. Иара изы
ҳәан иԥсеиқәырхаганы ибеит мыш ҩынҩыжәа ааҵаанӡа излагаз аибашьра. Ихы игәаӷьыр, дхаҵамызт, баша ажәлар
даҳхагылан, иҷкәын изыҳәан асеиԥш ҟазҵаз, аҵәыуараҵәҟьа
даԥсам рҳәон. Аибашьра дцар, дҭахар, еиӷьу иарбану. Ирымуит знапаҵаҟа дыҟаз. Дырмышьҭит. Бџьарла мацара акәым
аԥсадгьыл шырыхьчо. Иара иаҟара изылшода аколнхара
арыӷәӷәара.
Аӡыхь аамышьҭахь, уаҩы имаҳаӡакәа, иара изынхеит
уажәтәи гәаартыла ицәажәарагьы. Шәацәажәара иаԥсам ҳәа,
дара ирхаратәны, баша ажәлар урызгәааит Ҳаразхеит. Уара
уаҟарагьы издыруада изхараҵәҟьоу дызусҭоу.
Иҽналеихалон аҟароуп. Аӡӷьы иаҿаӡсо еиԥш, агәҭанӡагьы
дымнеикәа, ишьҭахьҟа даахынҳәуан. Илаԥш назықәшәоз
днахьынҳалон. Амра шыҩагылалак, раԥхьаӡа ашәахәақәа
нықәыԥхоит зегьы ирылыҳәҳәо абни ашьха. Уахәаԥш, Ҳараз
уи уажәы амра шаҟа бзиа иабо. Ашьхақәа ирылыҳәҳәо ашьхоуп амра раԥхьатәи ашәахәа хаақәа зықәнарԥхо, аха аурҭ
бааԥс анаслак? Ахьҭа бааԥс анҵыслак? Уара иуҭахызма еснагь
ишаҳәшаҳәуа амра ақәыԥхаларц?
Иԥсҭазаара ԥкаауа иҿынеихеит. Ԥсҳәы акалҭ аҿы инхақәо
роума, ашәҟәы ԥшьа изҭаз аныҟәаҩцәа роума, шаҟантә,
шаҟаҩы дырмацәажәакәа ичҳазеи ҵыԥхаахыс. Ауаҩы
ианиаҳашаз игәы шрыхшәаз анреиҳәашаз, дҿаҳаушәа мацара акәым, ддагәоушәагьы ҟаиҵеит. Уажәы еиҭах, шаҟантәыз
здыруада, иԥсҭазаара аихшьалара даналагах, аӡәыр
иаҳауазшәа, ибжьы ҩҭицеит. Аԥсаатә ӷраҷкәын, анкьа, ианиааз ажәа имазкуаз рыҿқәа шеихеикуаз еиԥш, уаҳа абжьы
азҭымкаауа ианыҟаиҵа ашьҭахь, иааирак згаз иныҟәашьа
иҭаны, иҟәарч ҩны ашҟа дхынҳәит. Реиҳа изааигәоу роуп
араҟа итәоу. Маӡала дызҭахым, данаарыдгылалак ацәажәара
иаҟәыҵуа ракәым, иҟазааит, иауазеи, иааины итәааит иҩны
зыблызгьы, сықәҵыр еиӷьуп иҳәауа дҟазҵаз. Дызцәыԥхашьо
ҳәа акгьы имам. Ирыздыруам ауп иҟалаз, уаҳа акгьы. Ихааныз абыргцәа ԥсит, иаанхақәаз зеилкаара маҷу роуп.
Егьырҭ, ҳара ианҳааз зхәымџьар аҿаҳәашьа ззымдыруаз
ироуҳәозеи. Иумбои, абасҟак иасҳәеит ашәҟәыҩҩы Адамыр
Арҭанба, ианҵа абарҭқәа, иҟалаҵәҟьазоуп ҳәа, «Кьараз» далан ҳәа аамышьҭахь, рнапхгаҩы иԥсы аиқәырхара сшалаз,
ажәак иҿыҵимыршәеит. Иидыруа маҷума, ихы изымдырааит ахьчажә Арушьан Рачба?! Уиазҵааи, абзиа иҳәозар убап.
Ҵаны, бзиара заҵәык сзиухьеит. Сан, аԥсаҭа шкәакәа, грас
илымаз, сара сымацара сакәым, аҳаблаҿы ахәыҷқәа еизганы, ауахәамахь илыманы дцон. Исгәалашәоит, аибашьра аламҭалаз, аӡәы ашәҟәы сзалеиҵеит, абас иҟаз аԥҳәыс
дылԥоуп, иҳәом акәымзар, маӡала анцәа дхаиҵоит ҳәа. Уаҳа
зыгәра игаша димоуроуп. Арушьан ианиазҵаа аорганаа, имцуп, иан сара ибзианы дыздыруан, аныхабаахь дцон, аха илгоз лара лтәқәа ракәын иҳәеит, ихаҭагьы дшылгахьаз имҳәеит.
Ианбыкәу уи? «Кьараз» зынӡаскгьы еиҿырымкаацызт иан
ахәыҷқәа лыцраԥсса аныхабаахь ианылгоз. Убас ҳааиуан
Адагәеи сареи ҳаиқәшәаанӡа. Уинахыс иааҟасҵоз маӡазар,
иззымаӡаз даҽа џьоукы рзыҳәан акәын. Ажәлар ирдыруеит.
Изумҳәозеи, Арушьан, уара уаҟара издыруада.
Иԥкаауа иҿааихеит. Ашьха ҳаракӡа ахықәцә инықәԥхаз
амра, иаҳа-иаҳа ашьапахьы иааскьон, аиҩхаа ҵауларагьы
инҭаԥхарц. Кьаразаа рхаанаахыс дналаган, иаргьы дааскьон иҟәарч ҩны ашҟа. Урҭ игәалашәарақәа зегьы раҵкыс
ицәыцәгьан иан илыдҳәалаз хҭыск агәалашәара. Иҳәар
акәым, ихаиршҭӡарц иҭахын.
Дҩагылан, амца нхәыҵишьшьаит. Ахәышԥырӷқәа инары
қәиҵеит иацтәи абысҭа. Ҩ-ӡынрак еицыларгьы изхашаз
ажьҵааи ашәырҩақәеи иман. Ишәсак аамихын, аҳәызба
инахаҵаны иӡит. Ллабҷашь налыҵарсуа, лыҵкы еиқәаҵәа
шьҭассы, иаԥхьа дгыланы лҿаныналха, ииулак дылԥырҵит,
даҽа гәалашәарак ашҟа диасит. Пату ақәҵатәӡами, иаҳ
ҳәап, убри, аибашьра ашьҭахь аорден зирҭаз аус, убригьы цәгьараны иҟаиҵама?! Артель еиҿикааит. Аусура
ашьҭахь, аҳәса еизаны анапҭарԥақәа, ақалԥадқәа рԥон.
Џьоукы аласа ркәакәон, ирхахон. Афатә мацара акәымкәа,
ашәҵатәгьы… Еибашьуаз рзы аиааира ргарц азы. Илымуит.
Амҩа дааныҵын, еиҭах иаԥхьа даагылеит иан. Еиԥшымзт
урҭ, аныхабаа ашҟа амҩа иқәызи, уажәы иаԥхьа игылази.
Лыбӷа иашан, лхы шьҭых, уажәы-уажә ажәҩан днаҵаԥшуан
аныхабаа ашҟа амҩа иқәыз. Уажәы иаԥхьа игылаз лыбӷагьы
ыхәан, лара лзын иҟаӡамызшәа, ажәҩанахьгьы дыԥшуамызт.
Дыԥшӡаргьы бзиа лҳәомызт. Аныхабаа аҿаԥхьа адәаҿы иеизаз ажәлар даарылҵны, раԥхьа даагылеит. Иара, Бақьыр-иԥа
Ҳараз, астол дықәгылоуп. Сара схаҭа сшьамхы арсны шаҟантә
сдыргылахьаз (шаҟантә слыргылахьаз ҳәа лыхьӡгьы ҳәаны,
инапгьы лықәикырц ихы инҭашәеит, дегьыналыхәаԥшит
иан, аха иҽникылеит), шаҟантә исаҭәам, ауаҩы длазырҟәуа
сдырҟаҵахьааз абраҟа, абри, аҩсҭаацәа иахьыртәарҭахаз.
Ижәдыруеит, избаз шәыҟоуп, Аҟәа агәҭан игылаз аныхабаагьы иҟәыбаса икарыжьит. Шәара шәшыбнауааз шәынхеит
ҳәа аҽԥныҳәа ҳадыргоит.
– Ҳа-ҳа-ҳа! – иаԥхьаҟа даанаскьан, аӡәыр иаҳауазшәа,
ибжьы нҭицеит. – Уара, сыԥсымзар, Арушьан, уаргьы уҟан,
усҟан иугәаламшәои, аныхабаа ҟәыбаса ианкаҳажь ашьҭахь,
ҭакажәык иҟалҵоз?! Ҳгәыларатәын лара. Уаниз ушьҭызхыз
лара лоуп лҳәалон сан. Ҭакәажә бзиан рыцҳа. Сышьҭылху, скалыжьу сыздыруам, сара акгьы сымбеит, аха исгәалашәо убри
ауп, дзандузгьы дзандумызгьы аҳаблаҿы зегьы нанду ҳәа
акәын ишларҳәоз. Лыхьӡҵәҟьа зегьы ирхашҭхьан.
– Нанду, уо, нанду! – изнапык имаҟа иавҵаҵаны, егьи
инапы налықәикит Ҳараз. Аҭакәажә иҟәыбаса еилажьыз
ақьырмытқәа, ахаҳәқәа, амҿы маҭәахәқәа дрылеимдон. Лхы
дааҩахан днаиҿаԥшит. Лыџьымшьқәа дыршкәакәеит асаба. –
Бызсыхәаԥшуазеи?! Бзышьҭоузеи, нанду, бзышьҭа?! – ажәак
лымҳәеит. Ахаҳәымҿыхә аимыртытаара даҿуп. Ҳәсақәак лыдеизалан, наҟ дрылыргеит иан. «Уан, уан…» ҳәа, – аамышьҭахь
уаҳа илҳәоз имаҳаит уи. Аҭакәажә деимдоит дааҟәымҵӡакәа.
– Дабоугеи, нан, дабоугеи? – лҳәеит аҵыхәтәан лыбжьы
аарла иҭкаауа, лыбӷа иаҳагьы ирхәаны. – Џьаракыр иҟазар
абраҟа акәхап, – илабашьа иҵарсуа уи дналыдгылеит быргк.
Длыцхрааны ахаҳәмҿыхә днахаахоит. – Даҭанабымҵан,
бхьышьаргәыҵа сакәыхшоуп, имдырра даҭанабымҵан, –
даҿуп аҭакәажә.
– Ҳараз, дықәаҳгап наҟ, – илымҳа инҭеиҳәеит ишьҭахь
игылаз ахаҵарԥыс.
– Улҟәаҵ, – иҳәеит иаргьы убасҵәҟьа ибжьы ныҵак. – Унеишь, уара, хаҳәк даҳцәаҵаԥсуеит, илҭахузеи абни аҭакәажә,
– инапы наиқәикит аура ду кны игылаз хаҵарԥыск.
Ақьырмыт ԥҽыхақәа, ахаҳәмҿыхә уҳәа еилажьыз
иаарыҵырхит ныхачаԥак.
– Абар дахьыҟоу зхьышьаргәыҵа сакәыхшаша, – дызлеим
баӡацыз ала лыбӷа аалыриашеит аҭакәажә. Лкасы аҿацәқәа
ахьшьуа, аныхачаԥа лрыцқьеит. Иан лнапаҿы дылкын асаби.
Дшәымаз, ауаатәыҩса, шәара шәӡатәс дҟасҵоит. Аҭакәажә
аныхачаԥа ҩышьҭылхит.
Ишгылаз, имҵысӡакәа иаанхеит Ҳараз иҩызцәеи иареи.
Абарҭ асҟаҩык еизаны иҟаз зегьы, адгьыл рыҵаҽылазшәа,
аныхачаԥа егьынахәаԥшит, ршьамхқәа ҩадырсит.
Аҭакәажә иара ишҟа лҿаалхеит. Ишылкыц ишьҭыхны илкуп аныхачаԥа. – Дубома, нан, абраҟа зсахьа ану, гәнаҳа
змамыз ан-ԥсыцқьа? Дубома? – аныхачаԥа наиҿалкит.
– Уахь умхьаҳәын, цқьа улҿаԥшы. Дубома амаалықь илку
Есҭе Қьрысҭе?! Уажәшьҭа уналзыԥшы деиқәара-еиҵараха
анаҟа игылоу уара уан, Ҳанифа ԥшӡа. Абри, – даахаӡаны
иқьышә инықәылкит аныхачаԥа ивагылаз иҩызцәа руаӡәк
иаԥхьаҟа днаҭрысит аҭакәажә длыҵаҟьарц, иара дааникылеит. – Нан, убри ан лысаби, иумбои лнапы данҵаны дшаалго?!
Шәхаҵкы дцааит, шәара дшәымаз, ажәлар лҳәеит. Ажәлар
дрыхҭнылҵеит. Уара уан улыхшеит ажәлар хурҵәарц, ашәы
ҳшәуҵарц. Уӡырҩы, нан, арахь цқьа уӡырҩы. Абри лысаби,
нан, дкыдҵаны дааныршь, ажәлар зегьы ашәы рҳшәырҵеит.
Уара, нан, Ҳаниф ԥшӡа уаалгәыҵылхыр, укыдҵаны уршьыр,
ҳара еинҟьаны ҳкәашоит. – Лажәа ҳәаны даналга, аныхачаԥа
ажәлар рахь иаалырҳәит. Убри аамҭазы деиҵақьыз-қьызуа,
аԥсӡы лаҳазшәа, гәынқьыбжьык налхылҵит иан дахьгылаз. Ажәақәак лҳәарц далагеит, аха лыԥсы лыхәлахеит.
Лҩызцәақәак налыдеизалан, дрыманы наҟ рҿынархеит.
Ииура-ииҳәара дақәымшәо шәымҭақәак роуп дахьаанхаз.
Иаарласны ихы инапаҿы иааигеит. Аҟыԥҳәа иааигәалашәеит
мышкы убри аԥхьа араиком аҟнытә иаарышьҭыз ашәҟәы.
Аизара ҟаҵатәуп. Иақәыӡбатәуп аконтрреволиуционерцәа
рыҵшәааратә ус.
– Ажәлар, шәӡырҩы! – иааилаҭырыз ажәлар днарылаԥшит.
– Шәӡырҩы! Савецки власт аӷацәа аргамаду ижәбоит. Ҳара
иаадыруеит аҭакәажә дазыҟаҵаны даазышьҭыз. Аконтр
револиуционерцәа, аобер бандит Нестор Лакоба иҵыхәакцәа.
Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит ҳқыҭаҿы рҽыҵәахны ишыҟоу
урҭ. Аҭакәажә дазыҟаҵаны даарышьҭит. Иҳамазароуп агәа
ҽанызаара. Абасеиԥш иҟоу ҳақәныҟәалароуп Ленин дуӡӡа
иус дуӡӡақәа! Ҳара ҳақәныҟәалароуп анасыԥ ҳзаазгаз Сталин
иажәа. – Ибжьы иаҳа-иаҳа ихаицалон.
Игәалашәоит, аҩны дшааиз еиԥш иан дахьышьҭарҵаз
дныҩнашылеит. Ус илҳәартә иҟалеит.
– Нан, – ҿаалҭит лыԥсы аарла иҭкаауа, – иуҳәо, иҟауҵо
ажәҩангьы ишагәамԥхо уаҳа иумбаӡои.
Егьиашаҵәҟьаны, иаалырҟьаны амш аҽеиҭакроуп иажәа
аҳәара даҟәызхыз. Ԥҭа ҽыҭқәак наҵаршә-ҩаҵаршәқәан
акәымзар, цәгьарак агәы иҭоуп уҳәартә иҟамызт ажәҩан. Аныхабаа аԥҽрагьы иагьналагеит, амра хырҩеит, рҽааларцалеит
аԥҭақәа. Еилыӷрааӡа ишыҟаз, инеизакны ԥштәык – аӡыхәашь
аԥштәы аархәеит. Ақәа рылхаҽа рҿаархзҭгьы иаҳа еиӷьын,
иаҳа уаҩы ичҳауан. Ашьхарахьтә убасеиԥш ԥшак аҿаанахеит,
асабеи абӷьыжәи еиларҩынтны ишьҭнахит. Хаҳәи-мҿыхәи
ахьеилажьыз илагьежьаауан. Агаҿаҟа ицеит, аҽарҭынчит
шырҳәоз, еиҭах ихынҳәит. Иахьынтәааз, ашьхаҟа идәықәлеит.
– Ҳамдырра ҳаҭанаумҵан!!
– Лымшарак ҳҭашәеит, иубоит, ухьышьаргәыҵа сакәых
шоуп!
Ахацәа ракәын уажәы иматанеиуаз.
– Рыбжьы ныҵакны изыматанеиуаз, рҽааибаркны, Ба
қьыр-иԥа Ҳараз, дад, ҳаҷкәын иҟауҵо ҽеим рҳәарауааз?!
– аӡәыр иаҳауазшәа, ибжьы ҭыганы дцәажәауа, аҟәарч ҩны
дындәылҵит. Зегьы урҟәаҵ. Ишәазааит. Мамзаргьы ирҳәо акгьы шаҵанамкуа анырба рыҽныркылазааит. Аха изҿимҭызеи
сара сызнаҭыз? Днукыларауазеи, иҟаиҵо умбаӡои анырҳәа,
иара ишԥаҟаиҵеи? Ажәаԥҟак иҳәеит.
– Ашьа ицаша да иалагылом. Шәиҟәаҵ, – уаҳа акгьы.
Уаҳа ажәак имҳәеит. Абыржәы дызбо џьысшьоит, иӡамҩақәа
ашьа рылԥхаауа, ишьҭахьҵәҟьа дгылан Арушьан. Уигьы акыр
иҳәама? Ҿимҭӡеит. Ҳус ҳаналга ашьҭахь, ҳазегьы ҳаилагыланы
аусҳәарҭахь ҳанаауаз ауп сызнаҭыз иажәа-хшыҩрҵарақәа
анцәыригаз. Исзеилымкаауазшәа ҟасҵеит.
– Ажәытәан, дадраа, – иҳәан ҿааиҭит Ҳараз данысабиз дызнаҭыз, – ирҳәоит, иҟан ҳәа аҵанаа ҳәа џьоукы. Ҵҩа
рымамкәа ирацәаҩын. Ашышкамс реиԥш акәын ишҿиоз. Ашьха зегьы ықәырҭәааны дара нхон. Аҭырас иқәланы икарҿо
аҟара иуаа хәыҷқәан иҳәеит. Аха убасҟак зхы лазмырҟәуаз
уаа ԥагьақәак ракәын, Нарҭаа дуқәа рԥыларгьы, имҩахыҵны
амҩа рырҭомызт. Уи бзиоуп ауаҩы ихы анылаимырҟәуа
ауаҩы иҿаԥхьа. Аха аҵанаа убасҟак иахнаԥаацәеит, убасҟак
иԥагьацәахеит, анцәа ихаҭагьы драҭәарымшьо иалагеит. –
Дааҭгылеит. Ажәҩан днаҵаԥшит. – Шәахәаԥш, иара ианаҭахыз
иасит, ианаҭахыз иаангылеит аныхабаа ахьҳарбгаз згәы
иамыхәаз аԥша. Ианаауазгьы ҳара иааҳамгеит, ианцазгьы
ҳара иаҳмазҵааит. Убасҵәҟьа анцәа имазҵаауа, датәарымбо
иалагеит аҵан. Ус ҟашәымҵан, дадраа, шәҽаанышәкыл,
ахьаԥарч ан иахәлаӷьаӷьон ҳәа шәызшаз шәысҿамгылан
иҳәеит, зхьышьаргәыҵа сакәыхшаша. Изаҳауадаз. – Дкылкааны Ҳараз днаихәаԥшит. – Уаҳа ианырмуӡа, абыржәы,
иахьа, иаалырҟьаны аԥша шҵысыз еиԥш, ажәҩан цқьаӡа
ишыҟаз, иаалырҟьаны еимаҩны алеира иалагеит… Изакәыз
зышәгәахәуа? Абымба. Рқьаф ҭан, рымчқәа ӷәӷәан аҵанаа,
аха хшыҩла ахәыҷы иҩызан. Абымба еигәырӷьеит. Иҵегьы
ҳзаашьҭ, уара убри ауп уаҳа иулшозеи шырҳәоз, адгьыл зегьы бымбала ихҟьеит. Илабылгьоит, илахәмаруеит аҵан.
Еиҭах дразҵааит, сара исҳәо акәу, шәара шәхаҳәатәада
даҽакы шәмаҳаларц шәҭаху ҳәа. Ччархәыс дҟарҵеит изшаз.
Ишәмаҳаи аԥхьан ишәасҳәаз? Ашьа ицаша ада иалагылом.
Аҽыԥҳәа амца ҩалҟьеит ажәҩан. Адыд-мацәыс инапаҿы
иҟан, илымшоз иарбаныз зхьышьаргәыҵа сакәыхшаша. Амца
акит абамба. Иналаблит, абас инықәӡааит аҵан.
Баша изаҳауаз, изызкӡамыз ракәым, ианиҳәоз аамҭазгьы
ихы назқәикуаз Бақьыр-иԥа Ҳараз ихаҭагьы аҽныҵәҟьагьы
наҟ ихаиршҭуан аҭаҳмада ииҳәаз абри ажәабжь иҟамлазҭгьы
аҽныҵәҟьа зхы ҵызгаз, мышқәак анааҵ инаӡаз аус. Убри ауп
иаргьы иахьа уажәгьы ихазмыршҭыц, изаҳазгьы, рхаҭақәа
рдунеи анырыԥсахуаз рышьҭахьҟа инхоз инараҳәауа, иахьа
уажәгьы аԥсараа ирхамышҭыкәа изааргауа ари ажәабжь.
Иныҵак-ааҵакны иахьырҳәаз аҟнытә, лааигәараҵәҟьа игылаз раамышьҭахь аӡәгьы имаҳаит, аха аӡәы заҵәык илымҳа
иҭасыргьы иазхон, избанзар иҳәаз ажәа зегьы ирыгәҭыхаз
акәын.
Ахаҳәи-мҿыхәи дрылеимдо, илулак иԥшааны, лкасы ахьшьуа, ирыцқьо, игәыдкыло аныхачаԥа анҩышьҭылх аҭакәажә,
ан лысаби лнапы даныртәаланы дахькыдыз ажәлар ианаадлырба, иҟалҵаз аҵкыс иалҭаз аиҭаҳәара зҭахыдаз. – Абас
анцәахша дызку ан. Лхьышьаргәыҵа ҳакәыхшоуп. Бара,
Ҳанифа ԥшӡа, аџьныш дбыхшагәышьеит, аҩсҭаа хәырҭлаӷь
бнапы дықәыргыланы дааганы дҳабҭеит. Иаҳзиуз ббоит, –
лҳәеит ԥҳәыск Бақьыр-иԥа иан ллымҳашьаҭа аҿыҵәҟьа. Лыбжьы неиҵыхны илҳәар – дшәеит. Аха лааигәара игылаз уеизгьы ираҳаит.
«Иларҳәаз баҳама Ҳараз иан? Аџьныш дбыхшеит ҳәа лар
ҳәеит»,
«Шаҟа ииашаны иларҳәазеи ҳасҭаршын иан. Аџьныш духшар, аџьныш духшеит, дад, ҳәа уарымҳәои».
Игәыҟаҵагаха ари ажәа анрылсуаз, иара даҿын илымҳа
ҭшьаагаз иажәа.
– Абраҟа, абыржәы сахьгылоу аҭыԥ аҿы, – аҵәҩан
еиԥш диашахәҵәаӡа дгыланы реиҳа ицәымӷу уаҩԥсык
диацәҳауазшәа, ибжьы ҩҭицеит Ҳараз. Иара убасҵәҟьа,
аҵхшьа змоуа аҵәҩан еиԥш акәын деиқәҟаца игылашьагьы шыҟаз. Ииҳәо ажәақәа шаҟа израӷьуа, убасҟак рхаҿы
инеиуеит изаҳауа, ихаҭагьы убасҟак дыӷәӷәаны дықәгылоит
адгьыл. Аҟамчы рхумҟьакәа адунеи лашарахь иузкылгаӡом
ауаатәыҩса, –абри аџьныш тәарҭаҿы, шаҟантә сшьамхы арсны сдыргылахьаз сара схаҭа. – Бзиара дуӡӡаны иҟаиҵеит
ҳәа иԥхьаӡеит ишьамхы арсны дзыргылоз иан шлакәыз
ахьимҳәоз. –Абас акәын ҳшырааӡоз. Аныхабааҿы ҳааир
ҳшьамхы арсны ҳгылан, абжьааԥны акулакцәа ҳабӷа иқәтәан.
Изыхҟьазеи, ажәлар шәхаҵкы абарҭқәа зегьы? Ҳамдырра.
Уажәшьҭа ажәлар рыбӷа еиҵырхит. Уи зегьы ҳзаазгаз сара
сеиҳагьы шәара ижәдыруеит. Ҳара иқәаҳхыроуп, ицҟьашәҟьа
иаагароуп Ленини Сталини рыхшыҩ иаҿагылаз, еиҭах атәра
ҳҭарцаларц иаҿыз атрацкистцәа, аобер-бандитцәа! – абарҭ,
аҵыхәтәантәи ажәақәа, еиҳарак ажәа «аобер» иаанагоз
акәым, аҳәашьагьы издыруамызт, аха агазеҭ аҿы уаҩ дук
иажәахә иалаҵаны ишиҳәаз ибан, даԥхьауа, деиҭаԥхьауа
ихамышҭуа иҵеит. Еиҳарак ихамышҭуа иҟазҵаз, Аҟәа, нас
араион аҿы уҳәа, дызлахәыз еизарак мҩаԥысуамызт уи
ажәа џьара аӡәы инаиҿыҵымшәакәа. Еиҳарак изырҳәоз
Адагәа идкыланы акәын. Цәгьарак шаанагоз аҟара уеизгьы игәы аназҩа, хаҵараны иҟаиҵеит иара ииԥхьаӡаз,
ихаҭа даҟәыҵит уи ажәа Нестор Лакоба идкыланы аҳәара.
Уи ихьӡ-иԥша ихьчоны, ицәаԥҽыгаз ажәа иаҭәеимшьоны
акәмызт. Ақыҭаҿы дарбаныз изгәаламшәоз уи ауаҩ иныҳәаҿа
аанымкылакәа чыс-еишәак дшахымҵуаз. Дшыжәдыруаз
еиԥш акәым, дызҿыҵәҟьаз, дзакәыҵәҟьаз абри акәын,
ажәлар драӷан анырҳәа, акраамҭагьы агәра имгеит Бақьыриԥа Ҳараз. Сара саҟара шәара дыжәдыруама. Ажәлар
дышԥараӷоу, иԥсҭазаара ажәлар ирыхҭниҵоне иҳәеит. Зныкгьы дахьымхәит реизааигәара мацара акәым, иԥсраан ашәы
ишәҵаны дахьгылаз. Ашәы ишәимҵаргьы ианарыжьуамызт
ишеизыҟаз здыруаз. Ашьҭахь, ҩба-хԥа шықәса анҵы, ахаҳә
кылызҵәаз ацәыкәбар иаҩызахеит. Дааҟәымҵӡакәан иаҳауаз
иаргьы агәра иго далагеит. Иус иацныҟәоз, гәыкала изыҟазгьы

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3320Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3316Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3287Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3310Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22170.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3312Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3343Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22700.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22530.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3305Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21960.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3387Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3341Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3344Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3324Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3382Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3392Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3405Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22400.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3317Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22370.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22910.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3267Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23550.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3308Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23040.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3386Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23030.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3299Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23290.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3306Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3363Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21080.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3361Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3410Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21820.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3265Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3370Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3336Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 2585Unikal süzlärneñ gomumi sanı 17440.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.