Latin

Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05

Süzlärneñ gomumi sanı 3310
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
узырҟаҵауа. Абарҭ ршәаны аҩ рыҵацалара азыҳәан мацарагьы
иаԥсоуп Виқтор Ҭахәыц-иԥа уҽидҳәалара, ицхраара, иҩызара
амырӡра. Абыржәы даанаскьаԥхьаны, зны уаҳа ашәҟәы
санҭаимҩӡа аҩнусбарҭа аиҳаб илымҳа сынҭахәыҭхәыҭны,
сара абри ауаҩ ицхырааҩыс сыҟоуп анысҳәа, идырҵәхьоу аи-

маа ҵаршьы дшаҩызахаз еиԥш, аригьы илымҳа инҭаҳәазар,
икаруаҭ аҿы сара сырианы, иара адәахьы дыԥхьон.
– Ишәфаша, ижәжәыша, шәахьԥхьаша… Аҳы, Зураб – Зегьраб, уара иудыруеит иҟаҵатәу, сара, ҳа-ҳа, сцеит, – инапқәа
нылбааигеит адиреқтор.
– Шәара шәымчала, шәыххь згеит, шәара шәымчала, –
иармарахьгьы иарӷьарахьгьы дынхырхәа-аахырхәеит Жәраб.
– Шәаала, ҳдәықәышәҵа… Сара уаҵәы аус сымоуп. Ма иԥсы
шҭоу, ижакьа данкны, дырхысхысуа даазгароуп, мамзаргьы
асакаса данҵаны дкылгазароуп Бақьыр-иԥа Ҳараз.
Аҩбатәи ахы
Бақьыр-иԥа Ҳараз… Бақьыр-иԥа Ҳараз… Зны инахараӡаны
ацәаара днахьыԥшуа, цқьа иеилиргаанӡа инаицәыӡуа, нас
иаҳа иааскьаны ибла иныхгыло, гәалашәарақәак наизцәырҵит
Ҭарсхан. Ус акәын иара ишиҟазшьаз, ишиҭахыз, ихәыҷра
иадҳәалоу гәалашәарақәак анизцәырҵлак, иҽеим, ихьанҭоу
гәалашәаразар, бабыцк хыршәланы ибар аҵәца иҭоу аӡы
шкеиҭәареиԥш, наҟ инаиԥырицон. Дахымԥарц иҭахны ԥҟаррак
ҟаиҵахьан ихазы: егьа ихьанҭазаргьы, егьа азалымдарақәеи
амыҟәмабарақәеи дрықәшәазаргьы, даныхәыҷыз, нас
данқәыԥшӡаз иахьатәи иԥсҭазаара ахьанҭара злаихигалаша,
иаԥхьаҟагьы дызлацалаша амч лашара убрантәи иааигалароуп. Иахьатәи ахьанҭара иацлалар иаҩсхьоу аҟнытә иаауа ахьанҭара, нас зегьыы ихазыршҭыша ссирӡак иаԥхьаҟа
иԥеиԥшхап ҳәа иара агәыӷрақәа усҟацәакгьы излаимамыз
ала, дацәшәон, урҭ ахьанҭарақәа зегьы рышьҭыхра илымшар, дызҿу, иҟаиҵарц ииҭаху акгьы дзахьымӡакәа зегьы рааныжьра иқәшәар ҳәа. Иара дзышьҭаӡаз, ииҭахӡаз акы заҵәык
акәын, иаамҭа дазыҟаларц шаҳаҭс.
Гәахәарала данигәалаиршәа Бақьыр-иԥа Ҳараз, иара,
Ҭарсхан Ҭрамба Ҭемыр-иԥа, иаб иашҭаҿы акәырҷыжь дақә­
тәаны дыхәмаруа, агәашә ааиртын, асасцәа ишыҟарҵалоз
еиԥш акәымкәа, ибжьы мыргаӡакәа, аха дҿаԥхаҿаччо дааиуа ибла иаахгылеит. Ибзианы игәалашәоит агәашә анҭыҵ

ишҿаҳәаз ицыз ауаҩгьы иаргьы рыҽқәа. Иарбан шықәсоу
ари? Ҩашьарас, хашҭшьас иамоузеи! 1953 шықәсазы Сталин данԥсыз акәын. Лара лзыҳәан агәашә анадыркы, усҟан
рҵаҩыс ашкол ахь ацара даҟәыҵны, аҩны дыҟан иан.
Асасцәа днарԥылеит.
– Иҟалаз саҳаит, Ҳараз уххь згеит, иҳаԥсыхәоузеи уажә­
шьҭа? – ҿаалҭит иан лылахь еиқәҵаны. Усҟан, данԥсыз аҽны
акәым, абасҟак шықәса шыҵхьоугьы, абасҟак ала исабрада
шиҿырххьоугьы, иӡбахә анылҳәауа, Сталин ҳаб ҳзааӡаз ҳәа
нацылҵоит.
– Иҳаԥсыхәахуазеи, иҟаҳҵалаша, иааулаша ҳхала иҳаӡ­
балар акәхеит, – иҳәеит иара. Иҿынԥшылара иаҳа илахҿыхын.
Ашьҭахь, еицәажәауа ишнеиуаз, иара реиҳа игәы иалсып ҳәа
изхәаԥшуаз, иаҳа-иаҳа алахҿыхра дамҽханакуан.
– Иҳаԥсыхәоузеи, ишԥаҟаҳҵо, – илуамызт иан.
– Баҟәыҵ, абаақәа Марушьа, быххь згеит. Дахьынӡаҟаз
ҳгәахы ҭаирҷаҷахьан, уажәшьҭа ҳаԥсы ааиваҳгар здыруада, –
иҳәеит, дегьаақәыԥсычҳаит. Уажәшьҭа иеиликаауеит Ҭарсхан
усҟан Бақьыр-иԥа Ҳараз ихьыз. Ахақәиҭра ҳзаанагоит ҳәа
иҷкәынреи иқәыԥшреи ареволиуциа иахҭнызҵаз, иҭәымҭа,
иуаҩра данаарҭагылоз ахақәиҭра ацымхәрас атәраҵәҟьа
дышҭанаҵаз збаз, Сталин данԥсы, игага егьа дацәшәозаргьы,
иамуит, иҷкәынреи иқәыԥшреи ирыдҳәалаз агәҭыха
мышкахы-мышкаҵыхәала иҿыхеит, дамҽханакит, аизарақәа
рҿыҵәҟьа дшәаны иҵәахуазаргьы, аӡәык-ҩыџьак зыгәра игоз
ахьааидгылоз игәырӷьара изынкыломызт.
– Издыруамызт, араҟа иаҳзыруқәоз иара издыруамызт.
Игәы иалоу, иара ихьӡала ара иҟарҵоз ацәгьарақәа акгьы изымдырӡо, имаҳаӡакәа дахьцазоуп, – иахьа илҳәац
убасҟангьы илҳәеит иан.
Ишьацԥшшәылаз иеиқәа агалифе, иеиқәаҵәа цыр-цыруаз
изиацкқәа, зны иажәхьоу акәзаргьы, ҽазны иҿыцу акәзаргьы
еснагь ишәҭыц, уеизгьы-уеизгьы исахҭантәыз икьаҿ, ари ашҭа
акәым, адгьыл зегьы сара саԥшәымоуп иҳәарашәа дгылан
Ҳараз.
– Сара, Марушьа, гәырӷьаҿҳәашаҵас, ибыдысныҳәаларц
сымҩахыҵит, бара былахь еиқәышьшьы бысԥылоит…

– Уа-диди, Ҳаразхеит, ажәлар зегьы лаӷырӡышо итәоуп,
иарбану исыдуныҳәало…
– Иарбану бымбои, бхаҵа, ҳҩыза бзиа Ҭрам Ҭемыр иаара. Иҟалаз бымбаӡои, дызқәыӡыз ауаҩ далгеит, даҳԥырҵит,
уажәшьҭагьы дҭакны дрымазаауама иара, ԥхыӡ дахьибаз азыҳәан идырӡыз ауаҩ. Доурышьҭуеит… Уааишь уара,
хахәеилажәжәа, аранӡа, уаб доурышьҭыр, аҩныҟа даар
ишԥоубои, иаа? – акәырҷыжь дақәтәаны дахьгылаз днаидгылан, ихахәы ааишьышьит. Ажәак мҳәакәа, ихы ларҟәны
дышгылаз, илабжышқәа рҿаархеит Ҭарсхан. – Иубалап уаб
доурышьҭны дмаауазар, уара иҟоуҵаша убри ауп, ашкол
уҭами? Хәба, хәба, хәба ҳәа утетрадқәа ирынны, ари убома
саб ҳәа дшааилак инаиурбароуп…
Аныҳәаҩ иааиҳәо зегьы аунаӡахуа, аха ианиҳәогьы,
ашьҭахьгьы ҳгәы изахәауа, иара абзиа ахьиҭахыз азыҳәаноуп,
ииҳәақәаз ҟамлагәышьози Бақьыр-иԥа Ҳараз, иаб ихаҭа
ихынҳәра ацымхәрас, дшыҟам ала ашәҟәы роуит шықәсқәак
ааҵхьаны, аха зегьакоуп убасҟан Бақьыр-иԥа Ҳараз ииҳәақәаз
иара игәалашәеит гәахәарала. Ҵаны, ашьҭахь даназхәыц,
иамуит, даҽа хшыҩзцарак аҽнаԥнашьит. Дзымҩахыҵзеи
Бақьыр-иԥа Ҳараз убри аҽны дара рашҭахь? Ҳәарада, харак
идны ихы иԥхьаӡон, ихы ириашарц, бхаҵа дхынҳәыр сара
сшеигәырӷьо ббоит ҳәа леиҳәарц акәын иан. Ашьҭахь Ҭарсхан
излеиликаақәаз рыла, иара, усҟан аколнхара ахантәаҩыс
иҟаз Бақьыр-иԥа Ҳараз акгьы ихарамызт, ибз аламызт иаб
дахьдырӡыз. Дизымашшит, ашәҟәеиқәаҵәа изалаимҵеит, иус
анырыӡбуаз диҿамгылеит. Аха ахара идны ихы иԥхьаӡон дахьизымыхьчаз азыҳәан. Реиҳа дыздыруаз, реиҳа дзыхьчашаз
ауаҩ ажәак иҿыҵымшәеит. Иҿымҭрала динаԥхеит.
Ахьшьцәа-шәарыцаҩцәеи иареи автобус хәыҷала ашьха
мҩа иахьынӡаҿаз, Бақьыр-иԥа Ҳараз изыҳәан гәалашәара
цәгьак имԥан иааимышьҭит Ҭарсхан. Саб димыхьчеит,
иҿымҭрала динаԥхеит ҳәа игәы инҭаиҳәазгьы, ихызҽышаз,
уаҟа Бақьыр-иԥа Ҳараз дзыриашақәашаз рацәаны иазиԥ­
шаан, наҟ ихәаҽит. Ашьҭахь иахьнеиша ианнеи, аухатәи
реицәажәарақәа, адырҩаҽны иибаз-иаҳаз уҳәа зегьы анеихишьаала, Бақьыр-иԥа Ҳараз ихы-иҵыхәа зегьы анеиликаақәа,

уи ауаҩ изыҳәан ихаҭәааз гәаанагарак изышьақәгылеит. Аха
егьа иҽизишәандазгьы иамуит, азкылсра илымшеит акы:
уи ауаҩ иқәыӡбатәызу, пату иқәҵатәызу, мамзаргьы имаҳә
ишиеиҳәаз еиԥш, дрыцҳашьатәызу…
Уахгьы ҽынгьы дарцәомызт, даргыломызт Бақьыриԥа Ҳараз иҭоуба ахьизынамыгӡаз, иахьеилеигаз. Ичҳаит
шықәса заҵәык. Иҟалап, мышқәак ахылазар. Уаҳа иамуит. Ихы злаҿихуа ҳәа изаанхаз акы заҵәык акәын. Акакала,
ажәак ицәыбжьахар ҳәа дшәауа, игәалаиршәон аҭоуба аниуаз ииҳәаз ажәақәа. Иаб иакәым, иабдугьы даниз абыржәы
изаҟароу иаҟаран рымхырҭа аҵыхәан игылоу аџь. Бақьыр
иԥацәа рыжәла, рышьҭра убри аџь амҵан ныҳәарҭас, аҭоуба
урҭас ирыман. Ҳараз данхәыҷыз акәым, ихаҭа ақыҭа дахагыланы, аколлеқтивизациа аиҿкаара иалагаанӡагьы, уи
аџьҵла ду ашҭа аҵыхәан акәын иахьгылаз. Аколлеқтивизациа
иаҳа-иаҳа аҽарӷәӷәацыԥхьаӡа, апролетариат рдиктатура
ӷәӷәахацыԥхьаӡа, рмаҵурҭеи асасааирҭа кәаскьеи рышҟа
иааскьон ашҭа, ашҭа шаҟа иҭшәахоз аҟара, иаҳа-иаҳа наҟ,
амхырҭахьы инаскьон уи аџьҵла. Иабацәа, урҭ рабацәа
ишыҟарҵоз еиԥш, аџь ашьапаҿы ацәашьы нкыдиҵеит. Ишьамхы арсны дҩагылан, ихылԥа ааихихит. Ҩынҩықәра ниҵыргьы,
иԥсы ахьынӡаҭоу, дкыдҵаны дыршьуазаргьы, иҿы ааихыхны
уаҩԥсы дшимацәажәо ала ҭоуба аниу ашьҭахь, «саҭанаумҵан,
саҭанаумҵан» ҳәа, хынтә иҳәаны, хынтә адгьыл днагәӡит.
Уажәы игәалаиршәон, ишиҳәаз ауаа рымацара срацәажәом
ҳәа акәу, мамзаргьы уаҩԥсы иаҳа-имаҳа, ажәак сҿыҵсыршәом
ҳәа акәу. Ишакәхалак, шықәсык ажәак иҿыҵимыршәеит. Ладагьы ҩадагьы зҽышьҭыхны игылаз ашьхақәа ракәзааит,
зхыцәқәанӡа наԥшышьа змам аҵлақәа ракәзааит, иара
иҿыҵшәаны ажәак рмаҳаит. Урҭ аҿаҳақәа ракәым, егьарыла
дыргәыбзыӷуа иахәыҭ-хәыҭзаргьы, иқьышәқәа еихарӷәӷәа,
ажәак иҿыҵимыршәеит арҩаш аҿаԥхьагьы. Иара, амаҭ гызмал
шкәакәа, џьара «ицәажәон» бзиабарала згәы ҭәу ԥҳәысҵас,
даҽаџьара – агәаӷ еибанарфауа хаҵаҵас. Еиԥшын абжьгьы
аԥштәгьы. Ацәшәара-ацәыԥхашьара зҿықәыҳәҳәу аҭыԥҳа
лӡамҩақәа иреиԥшха ишнеиуа, убас агыгцәа ргыланы аибахеибафара иалагон, зыдгьыл змырхыз анхаҩы духанаршҭрын.

Ииасуан уи арҩаш иҟәарч ҩны анаҩс, шәақь иахьнанагаша
аҟара даанаскьаны дахьналбаауаз.
Ашара адәы иқәлаанӡа, аҵх лашьцара иҽналак, ақыҭа
даналҵ, араҟа данааи, асы каҳаны, уахь дзымнеиуа
иҟалаанӡагьы, ԥышәагас иман арҩаш. Ахықә аҿы днеины днатәон. Иара усгьы ҿиҭуамызт. Шаҟаҩы рцәажәабжь
алыҩуазеи арҩаш. Еиҳарак аҳәса роуп зыбжьы уамыхәо.
Шәҽаанышәкыл, уажәшьҭа иазхоуп ҳәа иара ажәак раҳәара
азин имам. Изиҭахузеи дара рыбжьқәа? Рцәажәабжьқәа
ракәым, илымҳа иҭамсыроуп рыччабжь инадкыланы, рҵәы­
уабжьқәагьы.
Арҩаш ахықә аҿы дааины, иахьынӡаизычҳауа днатәаны
данцауа еснагь ииҳәоз акы акәын. Рхаҭақәа сгәы шрыхшәаз
еиԥш, исҭахым, исҭахыҵәҟьам рыбжьгьы саҳар. Иҟәарч ҩны
дныҩналаны, ауапа ихы инақәиҳәҳәон, илымҳақәа ҵәахуа.
Мышкы ҩымш раҟара дықәломызт арҩаш ашҟа. Амҿы ааигозаргьы, иҩны ашьҭахьҟа, ашьхара аганахь акәын дахьцоз. Аха иауамызт, ахымш рыҽны илабашьа наиҵарсуа, игәанала дшаӷьуаз
удырыртә, иқьышәқәа қәацқәацо, дҽаргәуа иҿынеихауан
арҩаш ашҟа. Аҵыхәтәан ус грас иҵигеит. Иара ахықә аҿы
дтәаны акәын ажәлар рышҟа ихы рханы, иқьышәқәа еихарӷәӷәа
дшаӷьуаз. Ақыҭа далҵны данцозгьы, ашьхақәа рыгәҭаны,
арҩаш ахықә аҿы дтәаны ииҳәозгьы акакәын. Сҿы ааихыхны
ажәак шәаҳәара акәым, шәара шәхаҭақәа шәыбжьы ахьсаҳауа
сзычҳауам. Слымҳақәа сыџьгәап бжьы кәармак ҭамкәауа. Имцуп, Ҳараз, ауаатәыҩса иаарҳәауа зегьы мцуп. Изшаз ус ишеит, ргәы акы ҭаны, рҿы даҽакы адырҳәауа. Ражәақәа рымацара
ракәым, рыччаԥшьгьы мцуп. Уара узыҳәан ргәы ашҳам анҭоу,
убасҟак иаҳагьы иуҿаччоит. Уара уаҟара, Ҳараз, ажәа хаа, ажәа
лыԥшаахқәа зарҳәахьадаз. Сара сшәазҵаауеит, шәыххь згеит,
Бақьыр-иԥа Ҳараз иакәӡамыз, иухьша ҳара иҳахьааит, Ҳараз,
ҳаҷкәын маҳәра дымҩахыҵуеит, уирԥхашьом, шәахьнеиуа
хар змам џьоукы роуп, ҳуҳәоит, ҳарԥшӡа, иаԥхьа уҳазгыл ҳәа,
исашәҳәоз, аа, абыржәы ишәҳәа, сара сакәӡамыз ауаа зны­
шәҵоз?! Шәыӡӷабцәа хаҵа ианцоз шаҟаҩы мҩаԥызгахьадаз!
Еиҳараӡак уи игәалаиршәоз аныҳәаԥхьыӡқәа ракәын.
Иарбан чараз Аԥсара ақыҭан имҩаԥыргахьаз иара иныҳәаҿа

рымамкәа. Зныкгьы акәмызт данырныҳәоз. Раԥхьа иныҳәаҿа
ааникылон аешьараҿы, мамзаргьы аҳаблаҿы реиҳа дбыргуп, реиҳа дҟәыӷоуп ҳәа ирыԥхьаӡоз. Усҟан зегьы ираҳауан.
Раҳаҭыр рбон аҩыџьагьы, аныҳәаҿа зҳәозгьы зныҳәаҿа
икызгьы. Иныҳәаҿа рҳәон ачара анеилгоз, аҵыхәтәангьы.
Усҟан иныҳәаҿа зҳәоз аҿар, зыхшыҩ аҵкыс зымч аиааиуаз ракәын. «Ҳзааӡаз, нцәаҵас иаҳхылаԥшуа, зыхшыҩ
ҳагымхаша…» Иҭамадара мҩаԥганы, ачареишәа ырԥшӡаны
дангылоз иныҳәаҿа рҳәартә иаанхоз ахацәарԥар роуп иахьа зҭәымҭа иҭагыланы, унеишь-уааишь ҳәа раҳәауа, ақыҭа
знапаҿы иҟоу. Ишқәыԥшӡаз, шәанаџьалбеит, идзырҵазеи
ргәы иҭоу акәӡамкәа, зынӡаск даҽакы аҳәара.
Сыԥсы ахәага ҭанаҵы, дара рыбжьгьы анцәа исумырҳан,
сара усгьы ажәак сыхәылшәом. Ианамуӡах, рыбла аҭаԥшра
иаҳа исычҳап.
Иазышьҭыхуаз аидара ақәын иҽы ақыҭа даналҵуаз. Даны­
қәҵышаз ҭагалара иацааиуаз аԥхынразын, аӡәгьы иамҳәакәа
дааит ари ашьха қыҭахь, Ԥсҳәыҟа. Уаанӡа уи ақыҭахь даахьан
зны заҵәык, Нестор Лакоба ихаан, ҩажәи ааба шықәсазы,
Асовет мчы шьақәзыргылоз дрылан. Усҟан, игәалашәоит,
ԥхынран. Игәалашәоит уаҟа дызлаԥшыз аԥсабара азыҳәан
ииҳәазгьы. «Џьанаҭ, аргамаду џьанаҭ, уаҳа акгьы». Аха усҟан
ихахьы аагара ицәыцәгьан, аԥсҭазаара ахаҭа ацәгьеи абзиеи рыла ишышьақәгылоу еиԥш, аԥхынразы иџьанаҭыз уи
аԥсабара, ишацааиуаз аӡын хьшәашәа. Ҩыџьа инеихагыларгьы ирхыҵәауа асы, ҩ-уапакгьы ирызнымкылауа аҵаа.
Ааԥынрахь дынӷыҵсаанӡа игәанала ихы алаф алихуан. Уаҩԥсы сшимацәажәо ҳәа аҭоуба аура заҭахыз, сза­
цәажәаша араҟа, ари аӡынразы, даара исҭаххаргьы уаҩԥсы
дыҟамызҭгьы. Уи усҟакгьы ииашамызт. Ихаҭа иакәым,
иҟәарч ҩны иахыҵәартә асы анлеи, данҭанасы дызцомызт,
аха агәылара днеирц, ауаа рацәажәара иҭахызҭгьы, мышкы
ахала аҵыхәала дегьцаны, изхарагьы днарацәажәаны, амш
нҵәаанӡа дхынҳәыртә иааигәаны инхақәоз ыҟан.
Ԥсы зхоу аҿыхара ишалагауа еиԥш, ааԥынра анааи, иаргьы ацәажәара иаҳа дазгәышьуа далагеит. Уи иазууз уажәшьҭа
иузхоит. Иарбан ааԥынроу уажәы узԥыло? Аҩбатәи. Ааԥынрак,

ԥхынрак, ҭагаларак даҽа ӡынрак… Ари, аҩбатәи ааԥынра
зынӡаск даҽакхеит. Арҩашгьы уажәшьҭа игәырҿыӷьгоуп. Еснагь иахылҵыц шьҭыбжьыкоуп иахылҵуа. Уара угәы зыхшәаз
ауаатәыҩса ракәзар, уаҩԥсы ишиаҳауа ажәак шсыхәлымшәо
ҳәа аҭоуба уузар, ишсоуҳәара, Бақьыр-иԥа Ҳараз, ирхароузеи анҭ ашьхақәа, арҭ уҟәарч ҩны аԥхьаҵәҟьа игылоу,
зымахәқәа уеихырхәауа аҵлақәа, ҭоуба анууаз џьаракыр
иуҳәама ани, аԥсаҵла амахә иқәтәаны иааԥшуа ацыӷгьы
сшамацәажәараҳәа.
Ихаҭа изгәамҭаӡакәа, ауаатәыҩса рыдикыло далагеит иааикәыршаны ибла иабоз зегьы. Ауаатәыҩса реиԥш,
рыԥсы ҭоуп ашәаԥыџьаԥгьы, рыԥсы ҭоуп асы иаҵақь игылоу
абанҭ ашьхақәагьы, ауаҩы иеиԥшҵәҟьа алымҳақәа амоуп,
уара иузымдыруа бызшәала ицәажәоит есышьыжь, уҟәарч
ҩны ушаадәылҵлак аԥсшәа уазҳәауа ацыӷ. Ажәак шынау­
ҿыҵшәалак, икаууа иԥаны даҽа махәҭак инықәтәоит.
Лассы-ласс игәалашәон, дазхәыцуан, ихы дазҵаауан, аха
иамуит изыхҟьаз ҳәа изеилымкааит, избан, аҩбатәи ааԥынразы
иаҳа изымчҳауа дзалагазеи, уаҩԥсы имаҳауазаргьы, дым­
цәажәалар амуа дзыҟалазеи аҩбатәи ааԥынразы. Даҽа
ааԥынрак излеиԥшымыз ҳәа егьыҟамызт уи ааԥынрагьы.
Абыржәтәи ааԥынра азыҳәан еиԥшҵәҟьа, усҟангьы раԥхьа
асы ашьҭыҵра иара реиҳа игәы иахьаанамгаӡоз ашьхақәа
рмаҟҿаҳәарақәа рҿы. Узладмырччаша акы иалаҟамызт.
Рхыцә­қәақәа рҿы кьыс рымаӡамкәа, иблахкыгаха ицырцыруа асы рықәжьын. Аиҩхаа ашҟа уахьааскьо, аԥштәы
иаҳа инахҟьазаргьы, анаара иаҿаиан асы. Маҟа ҟьаҟьа дук
рымӷарҵазшәа, рыбӷаӡарақәа џьара еиқәаҵәа-еиқәаҵәаӡа,
даҽаџьара ицәҩежь-цәышӡа иааԥшуан.
Еиԥшуп ааԥынрақәа зегьы, еиԥшуп аԥхынрақәа зегьы.
Данааз ашықәсангьы ԥшьба-хәба шықәса анҵгьы. Ааԥынра
шааилак, абна-ккара зегьы, аԥсҭа еиҩхаақәа зегьы, рыԥштәы
аԥсахра ишналагалак, инеиужьӡаны иалагоит ацәажәарагьы.
Уаҩ дызмыхәаӡо, чҳашьа змаӡам ԥсаатәзаап ахьажь. Зҳәашьа
ҟанамҵо дарбану. Шьыбжьаанӡа аӡәы, ашьыбжьышьҭахь даҽа
џьоукы. Ҿыц ацәажәара иалагаз асаби ицәажәашьа уҭахума,
зыбжьы ҭхааз аҭаҳмада, иаҳҳәап, иԥсаҭа шкәакәахааит,

аабатәи абригадаҿы ҿахәҳәаҩыс ирымаз Гәџьыуа Гач
ицәажәашьоума, иаауҭаху. Мра ашьхақә иҩарывҵаланы,
аԥсҭақәа рыҵахьтә ашьшьыҳәа алашьцара аҿанаанахалак,
убас бжьы ҵәыҵәык ҭнацоит… Уамак дадымхалеит уи збжьыз
дызусҭоу. Аҭакәажә. Иара дааибазараахыс еснагь иҭакәажәыз
Ҭаршԥҳа Ҭакәына. Ани аԥҳаи реиԥшоуп уи аҭакажәи ари
ахьажьи рыбжьқәа шеиԥшу. Ичҳап, имаҳаӡозшәа ҟаиҵап
аԥсҭа аиҩхаа аҵан, иеимаркуа уара идыр, инибарҵәарашәа
иеибарҿыҿуа абнаҳәақәа рыбжьқәа. Ҭагалан шьҭахьы, асы
анкаҳашаз аламҭалаз, дмыццакыкәа, реиҳа иԥсылахап
ззигәахәуаз ҳәаԥак агәаҵаӷара инҭаиршәит ахызаҵә. Еиҿы­
ҟьҟьа иныкнеиҳаит. Ашәаӷьи ахьеи ишырчахыз мҩашьо,
иԥсылан, аха амцхәгьы ишшаԥасаламызт. Ианигәаԥха, насгьы
дара, еицыз абнаҳәақәа, иҟәарч ҩны ааигәараҵәҟьа ианааи, еиҭах дмыццакыкәа, цқьа дкылԥшны, даҽакы нахәитәит.
Амца аҵаҵаны иахьынӡаирԥшшоз, акәацҩара азыҳәан
адагьы, акәац афҩы раҳаны, амшәқәа аанамгарц азыҳәан,
дааҟәмҵӡакәа иеиқәиҵон амца. Ибзианы ирԥшшаны даналга,
ачалтқәа ирықәҵаны, аҭуанахь дҩахан икнеиҳаит. Алӡынрак
иеиқәыцәаны иҟан абгахәыҷқәа рыбжьы. Асы егьынкаҳаит,
инаҵахәаҽызшәа, урҭ рыҵәаабжьқәа ныҵахәашеит. Агыгшәыг
рахьтә иаҳа ичҳауан, уимоу, иахьиаҳауаз иаҳагьы еиӷьишьон
абгахәыҷқәа реибархьусуура. Игәаланаршәоз рацәан. Иқыҭахь
мацара акәмызт, иҷкәынрахь, иқәыԥшрахь ддырхынҳәуан.
Шаҟа иқәыԥшрахь днаскьаны игәалашәара иҽагәылаихало
аҟара, иаҳа иеилачуан абнаршәырақәа, иаҳа ирацәахон
абгахәыҷқәа рҿыҭбыжьқәа. Иара иуаҩрахь, иҭәымҭахь, нас
днаскьозшәа, абнаршәырақәагьы дәышкәаӷьазханы ихтуан,
абгахәыҷқәагьы рыбжьқәа аҵабара иалагон. Бзиа ибон Аԥсара
ақыҭан еиқәызазо, еихашьшьы иҟаз абнаршәырақәа ибла
ианыхгылоз, урҭ абнақәа ирылыҩуаз абгахәыҷқәа рыбжьы
игәы ианықәыҩуаз. Аха бзиа иба акәым, ицәымӷын, имԥынгьы
иааишьҭуамызт урҭ абнеихашьшьырақәа рықәӡаареи,
абгахәыҷқәа рыбжьқәа, иҭабаз аӡыхь еиԥш, рыбжьқәа
реиқәтәареи иара, Бақьыр-иԥа Ҳараз дахьынӡалахәыз
азхәыцра, ихахьы аагара. Атрактористцәа рыбригада анариад рыҭара… Аплан ахыхьгьы иҟарҵаз «акарчовка» азыҳәан

апремиақәа… Аштраф зқәырҵаз колнхаҩ ԥҳәыск илеиԥшха,
асеиԥш иҟоу гәалашәарақәак ирымукәа, мчыла иҭааргьы,
иқыҭа далҵаанӡа, ирҿеикша иман. Уи зегьы ҟаҵан ажәлар
рзыҳәан, Аԥсадгьыл азыҳәан.
Иҭоуба ахьеилеигаз зхароугьы убри ахьажьоуп. Иашоуп, уаҩԥсы сшимацәажәо ҳәоуп аҭоуба шиуз, аха знык
данцәажәах… Иҟәарч ҩны аԥхьаҵәҟьа игылаз ашәҵла
иналатәеит. Ашәҵла аԥштәи иара аилыӷраашьеи шаҟа еиԥшу
џьашьауа дахәаԥшуан. Абри аԥсаатәи, абри аҵла аԥштәи шеинаало еиԥш… Лыхцәқәа, лхы-лҿы, лҽеилаҳәашьа… Еиҳарак
лыхцәқәа. Урҭ шәпа-шәпаӡа иԥаны лызқәа ианықәылҵалак,
лцәашәҵатә аԥштәи иареи реинаалашьа…
Ихьӡҵәҟьа ҳәаны ихыччозшәа акәын ахьажь абжьы
шиаҳауаз. «Бақь-қьыр иԥа Ҳар-раз, Ҳар-раз!..» Амахәҭақәа
инарықәԥала-аарқәԥалон, ҵаҟаҵәҟьа дшаҵагылазгьы, ицә­
шәа­ӡомызт. «Уӡыр-рҩы! Уӡыр-рҩы!» Илымҳақәа ҵнахуан.
Ичҳаит мышкы, ҩымшгьы. Ҭаршԥҳа Ҭакәына раԥхьаӡа
лыбжьы ҵәыҵә иаҳаит аколнхара анеиҿыркаауаз. Усҟан
лажәрахь акыр набжьан, уаалеиҽырбартәгьы дыҟан, аха
лыбжьы… Игәкылҵәаган, аиашазы, лыбжьы. Реиҳа гра
бааԥсыс илымаз – еснагь дуазҵаауан. Амраҵәҟьа аӡбахә
лҳәозаргьы, изакәызеи абри иҳақәԥхауа, имроума Ҳараз
лҳәон. Убасҟан, аколлеқтивизациа аангьы иалҳәоз зегьы зҵаарақәан. «Аԥсаса ҳамышәхит. Ҳара ҳҭаацәа дууп.
Иуаҳахьоума уара аџьмахырҵәы хәшәуп ҳәа?» Ҿысымҭит.
«Акамбашьқәа ҳамышәхит. Аӡын ахш ҳазҭоз урҭ ракәын.
Иаҳфозеи?» Ҿысымҭит. Ҿымҭӡакәа иӡырҩуан изаҳауазгььы.
Абзцәгьара илҳәозгьы зҵааран. Сычҳара сахлыжьырц, провокациак ҟалҵарц, ус ҿаалҭит аԥхамшьа. «Уара ҳацәаӷьқәа зегьы жәгеит, ишәраҟәеит, ҳажәқәа зырцәтәуазеи уажәшьҭа?!»
Ахьшь злалаз ахьажьқәа реиԥш агәақьҳәа ччараха ирысит.
Ахымш рыҽны, ишыҟанаҵацыз еиԥш, еиҭах иааины ашәҵла
ианалатәа, еиҭах ихьӡ аҳәара ианаҟәымҵ, агыг­шәыгқәа
алаиршәарц, ашьацма ҭамҵакәа еиҵаҵаны имаз патронак
нҭеиҵеит ишәақь. Ихаршаланы иҟәарч ҩны дындәылҵит.
Ашәҵла амахәҭақәа инарықәԥала-аарықәԥалоит ахьажь.
«Ҳар-раз! Ҳар-раз!» Лҳәашьа мацаралагьы иубоит Ҭакәына

лгәаҵа зегьы гәаӷла ишҭәу. Аколлеқтивизациаан ирымаз зегьы ахьрымырхыз, лашьцәа, атроцкистцәа, аконтр­
револиуционерцәа ҩажәи жәибжь раан иахьдырӡыз, руаӡәк
дахьыршьыз егьи дуаҩыбжаханы дахьааз, уимоу, афашистцәа
ахьҳақәлазҵәҟьагьы, адунеи зегьы сара исхараны, сара
исыхҟьаноуп ишылбо. Илоуҳәозеи амдыр! Хрушьчов лыбз
аниртла, ауаа ишраҳауаз. «Иҭашәыз, жәашықәса зхыганы
ихынҳәыз сашьа-ахымхәа иеиԥш узбааит уаргьы!» – лҳәеит.
Илҳәаз мацароума, лҳәашьа шԥаҟаз, лҳәашьа!
Ахьажь цқьа даҵаԥшуа, ахызаҵә ҭаҵаны деихсуазшәа,
ашәақь аҵа дынкылаԥшит «Гаӡароуп иҟауҵо, агаӡара!»
Ԥсаатәк абжьы гацыԥхьаӡа ухысуа уалагар…»
Иауамызт, аухагьы ауапа икәыршаны, инапқәа ихы иаҵаҵа,
иҟәарч ҩны дахьыҩнаиаз, илымҳа ишааҭаҩлак ахьажь абжьы, ма ԥҳәыск, мамзаргьы хаҵак ицәажәашьа игәы иқәыҩуа
иналагон. Зны иҵәыуон афатә зыгхаз асабицәа, даҽазны
игәынқьуан зхала ақьаԥҭақәа ирыххалаз аҭакәажәцәа,
аҭаҳмадацәа…
Иҟәарч ҩны ашьҭахьтәи аҭӡамц хаҳәтәын. Ахаҳә ду ахькажьыз иадҟаиҵалеит. Аԥхынра шааира ианааи иԥшааит уи
аҭыԥ. Иԥшааит ақыдқәа еихасаны изыргылашазгьы. Ҭагалан,
ашәарыцараан, шәарыцара даауа, асы дҭанасыргьы дахьчауа,
шаҟа иӷәӷәаны изыҟарҵо, убасҟак ахә азыҳәан ргәы нимырхо
драцәажәеит ԥсҳәытәи уасҭацәақәак. Ашә иҿарҵаз мацара
убасҟак ижәпан, уеихсыр ахы алымҟьо.
Дҩагылан, ахаҳәтә ҭӡамц аҿы, хәыцра хьанҭақәак даных­
ҭарклак ишыҟаиҵац еиԥш, ацәашьы нкыдиҵеит уажәгьы.
Аҩсҭаацәа уҟәызцо убриак заҵәыкоуп. Ацәашьы иацрыҵуа
амца мацарагьы изхоит. Абла дынҭаԥшит, дныҵаба дцоит.
Ацәарҭаӷәы дықәианы, ацәашьы ахьыбылуаз дахәаԥшуан.
Иабаҟоу, ҵла еилачырак амахәқәа рҿы аҽаҵәахызар акәхап
зегьы рҳәашьа ҟазҵо аԥсаатә ӷра. Ацәашьы дшахәаԥшуаз,
аҽеиҭанакуа мацара, ауаҩԥсы инапы еиԥшхеит. Напыкгьы акәындаз, ирацәаӡаны анапқәа. Урҭ анапқәа зегьы зны
иҩышьҭырхуеит, даҽазны иладырҟәуеит, инарҟьа-аарҟьоит.
Иара ажәак иҿыҵымшәаргьы, дара ирҳәааит. Ирҭахызар
ирҳәааит ажәа џьбарақәа, агәаҵӷахҵәагақәа, ирҭахызар,

қьаҳиак иаҳ иҿаԥхьа дшымқьақьара, иҳәыркьироу ажәақәа
рҳәалааит, изакәызаалак џьара акы рҳәалааит, амала
рнапқәа шьҭыхны, ҿымҭ имтәааит, ҿымҭ еиламгылааит… Еизара заҵәык акәын мҳәаӡакәа, ҿымҭ аимпра ианалагалак.
Уи дацәшәон Асовет мчы анааиуаз раԥхьатәи ашықәсқәа
раан, дацәшәон аколнхарақәа анеиҿыркаауаз, дацәшәон
еснагь…
Аухантәарак ҵҩа змамыз анапқәа ибла ишаахгылоз,
изусҭцәоу изеилымкаартә еилаӡҩауа рхаҿқәа шааизцәырҵ­
уаз, зны ацәа дынҭанагало, нас дцәырҳаны дааԥшуа, ииулак
ихигеит аҵх. Ишьҭахьҟа инижьит ҭагалан, инижьит ӡынра
дук, амра шаҳәшаҳәуа иаазгаз раԥхьатәи ааԥынра даԥылеит.
Ашара иҩнашә ианаалаԥха, ишаркыз дыцәазаап, дназыԥшит
ахаҳә иадырҷаблаз ицәацәашь. Ацәашьы былны иалгахьан.
Ауха ижәлаз ауааԥсыра дрыцәцеит.
Ибзианы игәалашәоит. Иҭоуба анеилагаз аҽны, ажәҩангьы
лахҿыхын, ашьхақәа рықәцәқәагьы ԥҭацк рхаршәымызт,
ихаҭагьы игәы ҭынчын. Ихахьгьы иҟамызт аҽны аҭоуба еилеигап ҳәа, ихы дачычап ҳәа зҵаарала. «Аҭоуба шԥазуи, ажәак
шысҿымшәо ҳәа акәу, мамзаргьы уаҩԥсы сшимацәажәо ҳәа
акәу?»
Иҟәарч ҩны дындәылҵын, иҭбааҭыцәхаз адунеи ду дықә­
ԥшуа, деигәырӷьо днахәаԥшит ани, ахьажь бзиа иабауа ашә­
ҵла иавагылаз аԥсаҿы хәмарырҭас измаз ахәыԥшқәа. Уара
уоуп сара рахәшәахәыс исымоу ҳәа, чаӷьа ҿаҵақәак ицәынхар,
иршәны инкаиԥсон. Унаскьа, сара ишсуҭаҵәҟьаз агәра згароуп ҳәа, амахә аҵкар иқәтәаны иааԥшуеит акраамҭа, нас
инкаԥоит, хәашақәак аашьҭԥааны, еиҭах иԥоит амахәҭахь.
Ари азыҳәан иҟаумҵара иҟоузеи. Аԥсаатә мҵәыжәҩаӷроуп
уаҩԥсы дызмыхәо. Уахәаԥш, уахәаԥш, аҩны сшаадәылҵыз
амбеи, аҟыжра иналагеит. Иудыруоу уара узыҳәан ирҳәауа?
Анаԥхаҩцәа урыдыркылоит. Убасҵәҟьа акәын ишузылҳәоз
санду. Амхырҭаҿы убжьы анаагалак, иаахт ани, аилыӷраа,
анаԥхаҩ лҳәон. «Избан, нанду, изнаԥхаҩузеи?» «Инаԥхаҩуп,
нан, инаԥхаҩуп. Абна илоу, иԥсаатәума, ишәарахума,
игыгшәыгума, еидгылароуп, избанзар, нан, урҭ бнак еицылоуп. Ари аилыӷраа, аҟыжҟыж, иара атәқәа ахәшьадуеит. Уцеи,

нан, абнаршәырахь, уазыӡырҩи. Амаҵуарлақәа ирыԥхьауа
ауаҩԥсы иеиԥш, атрышә иасуеит. Атрышә иасуа, атрышә иасуа, алақәа ахьырԥшны иагоит. Иабагои? Заа ирхаԥыруа
иԥшаахьеит абгақәа рҽыҵәахны иахьыҟоу. Иубо, ирызнауа?!
Анаԥхаҩ! Зҩызцәа зҭиуа!
Ишәақь иааҭихын, апатрона еиҭа днахаԥшит. Ашьацма деиҷаҳауан, ицәҩашьаны, шьацмала иеиҵоу апатрона
ҭеиҵазар ҳәа дшәон.
Ахьажь убри аамҭазы егьиашаҵәҟьаны атрышә асра иалагеит. Ашәақь инанагартә иааигәаны ишықәтәазгьы, аихсрагьы
шыманшәалазгьы, игәы иахәон иҟаиҵарц ииӡбаз аргәагәара.
Ухы акәамҷаҷыра иҭасыршәып иҳәахуан ишәақь еиҵазшәа.
«Уара умшәан, уаҟа ухәмарла!», – иҳәеит игәанала, амзаҵла
амахә иқәтәаны ихәаԥшуаз ахәыԥшқа азыҳәан.
Ахысбжь инацҭҟьеит иаргьы абжьы. Аԥхарра злысра иаҿыз
адгьыл ахылҩа-ԥсылҩа ахылҵуан, еилашуа ақәаб еиԥш. Убри
ахылҩа-ԥсылҩа цәышҳаби ишәақь ииҩҭҟьаз алҩақ еиқәаҵәеи
неилаӡҩеит, ахысбжьи ихаҭа иҿыҭыбжьи шеилаӡҩаз еиԥш.
Ахьажь ааҟыжын, иҵыӡәӡәааӡа ицқьаз ажәҩанахь
иҩхалеит.
– Ҳа-ҳа-ҳа! Иубеит ибзиашәа анаԥхара зеиԥшроу! –
убасҟак ибжьы дуун, агәылацәа имазҭгьы еизнагарын. – Уаҳа
арахь уқәлашам Ӡагәадар-иԥа Ӡаӷьалажә! Уара, – дзацәажәо
изымдырӡо, иааигәара ауаа гылоушәа, иажәақәа еишьҭаххы
рҿаархеит, – ҭагалан шьҭахьы, асы акаҳара ианалага, сҟәарч
ҩны сыманакырц мшәык счычеит. Есуаха сааҵраҿы иааиуан. Иҿыҿуан, ибыбуан. Исанаҳәозеи? Ари аҟәарч ҩны сара
истәуп. Сныҩнаианы сыцәоит. Уара араҟа иуусузеи?! Ашьха
уаазар, наҟ уца, уца агаҿаҟа, мамзаргьы уца ақыҭа агәахьы,
ауаа ахьынхо ашҟа. Исанаҳәоит, исанаҳәоит… Иауамызт, уара.
Изулак уи сԥырысцеит. Абри аԥсаатәыжәоуп сызмыхәаз.
Ирыԥҵәа имҟьеит. Ҽынкылашьа имамызт ашьыжь иналагаз
шьыбжьаанӡагьы. Зны аӡәаӡәала драцәажәон, нас дцәажәон
аизараҿы дгыланы. Дхынҳәны ахәышҭаараҿы дааин амца
ахьынӡеиқәиҵозгьы, цәажәаран дызҿыз. Аҩныҟа инаиԥхьеит
изыӡырҩуаз ԥыҭҩык. Ацәажәара дшаҿыз днықәиан дыцәеит.
Ԥхыӡлагьы цәажәаран, ажәахәқәа, аҳасабрбақәа рыҟаҵара
даҿын.

Амра ажәҩан агәы иҩхыҵын, иҟәарч ҩны алаԥхара иаҿын
данааԥш. Изиҭаху, иахьаанага изымдырӡо, иааигәалашәан,
ихчы иаҵаз абилеҭ ҟаԥшьы ааиԥшаан, иаартымкәа, инарҳәыаарҳәуа дахәаԥшуан. Наҟ инаиҵеиҵеит, насоуп анцәа иашьапкра, даҭанаимҵарц иҳәара даналага. Анцәа дхаиҵа акәым,
матанеирҭак ахьааибоз изырхәашоз Бақьыр-иԥа Ҳараз, уажәы,
иԥсҭазаара зегьы анеихишьала, ианынаҳәааҳә ашьҭахьгьы,
анцәа дхауҵома ҳәа уиазҵаар иаахҵәаны аҭак аҟаҵара
ицәуадаҩын. Ихчы иаҵаиҵаз абилеҭ ҟаԥшьы иџьыба ианҭеиҵа,
иан ԥсаҭа шкәакәа лҳәашьа, аҩсҭаацәа данырфа ашьҭахьгьы,
анцәа зынӡаск дизымхәыцӡауа, шьцылараны изынханы иҟан
акы: ихы итәыз, арыжәтә даганы дыҟаз, аҽеилыхра илымшо дааԥсаз, есуаха даннышьҭалоз, анцәа улԥха сыҭ иҳәон
иажәақәа ирыҵаркуаз зынӡаск дазымхәыцӡакәа. Аҵәца
анаашьҭырхлак, хәыҷгьы дугьы ирҳәоз – анцәа улԥха ҳаҭ – ииуллак аҳәара даҟәыҵит, аха иамуит, данышьҭалоз ишиҳәац иҳәон.
Убасшәақәоуп уажәгьы, иҭоуба анеилеига, даҭанаимҵарц
анцәа иашьапкра дшалагаз. Уеизгьы-уеизгьы уаҩы имаҳаит,
сцәажәазар, сара исзынхеит, насгьы ажәак шысҿыҵымшәо ҳәа
акәым ҭоуба шызуз, уаҩԥсы сшимацәажәо ҳәоуп. Аха арҩаш
ашьҭыбжь ахылҵуам џьоукы ираҳалааит, даҽа џьоукы рзыҳәан
сышьҭыбжь маӡазааит ҳәа. Имацара ӡынрак ихыганы, раԥхьа
дызԥылаз ааԥынразы, уаҩԥсы имаҳазаргьы, ибжьы ашьхақәа
ишынарҿаҩыз еиԥш, иацааиуаз аԥхынраан ауааԥсыра
рлымҳаҟынӡагьы инеит аԥсараа хәыҷгьы дугьы зышьцылахьаз, даҽа бжьык иаладмырҩашьоз ибжьы, ҵаны, дзацәажәаз
аԥсаратәқәамызт, уимоу, усеиԥш ақыҭа адунеи аҿы иҟоуп ҳәа
рыԥхыӡгьы иаламшәацызт, рымҩагьы уахь акәмызт иахьхаз,
ашьха илбааны ишааиуа, рқыҭа ахахьы ианаацәырҵлак, амҩа
аагьежьны, амшын ашҟа даҽа қыҭақәак ирылсны ицон, иара
иқыҭа, Аԥсара, амрагылара аганахь иааныжьны.
Абан, иҟәарч ҩны алаандаҿы иқәуп дзырцәажәаз уи
ашәҟәы. Ашәҟәыԥшьа, ажәлар идырбауа, аизарақәа раан
аҩсҭаацәа зыӷроу ҳәа изныкымкәа иззиҳәахьаз, иԥсҭазаара
зегьы зҿагылара иазкыз ашәҟәы. Туристцәа-ныҟәаҩцәақәак
изынрыжьит. Дҿаҳауп, аха иаҳҳәо иаҳауеит, насгьы аԥхьашьа
идыруеит, имацара заҵәык дыҟоуп, иԥҳәыс дыԥсызар акәхап,

ихшаз дкажьны иԥырҵзар акәхап, шәааи, амҩа ахьаҳирбаз
азыҳәан иаҳҭап абри ашәҟәы. Ирымихуамызт, ргәы нимырхарц азыҳәан ирымихӡаргьы, дара анца наҟ иршәны
икаижьуан, убри ашәҟәы иадҳәалаз гәалашәарак мцабзха
инаизцәырымҵызҭгьы, кыҷырала иҭәыз иӡамҩақәа абыржәгьы
иаахәацыхәаԥшьхан аԥхашьара нарҿықәымлазҭгьы, насгьы
дшаԥхьо араҟа избодаз.
Ианбыкәу, иҵхьоузеи уиаахыс, аколлеқтивизациагьы иаламгацызт, иԥсҭазаара зегьы даҽа мҩак ианызҵаз Адагәагьы
иԥсы ҭан, ауаагьы усҟан ргәы иҭоу иаахтны ирҳәон, рацәажәара
цәгьан.
Ишыҟаиҵацыз еиԥш, еизарак аҿы ацәажәара дшаҿыз,
иџьыба иааҭигеит ашәҟәыԥшьа. Уиаахыс џьаргьы имԥыхьа­
мшәацт усеиԥш гәыбылрала иҭыжьу ашәҟәы. Унапсыргәыҵа
иҵахуҩартә иахьхәыҷыз акәым. Ацәа иахаз сахҭантәын.
Иҭарҽыланы аџьарсахьа анын. Аганқәа ракәзар, иуҿацыр­
цыруа ахьӡы ақәырҭәан. Изцәигаз изтәу ҳәа иидыруаз ианду
лакәын, аха уи излалҳәоз ала, ныхаԥааҩык иҟнытә иоун, лабду итәы акәын. Иџьыба иааҭыган, инарҳәы-аарҳәуа идырбауа,
ус ҿааиҭит амыждараз.
– Ижәбоит, аа, абри, аҩсҭаацәа згәылоу абри ашәҟәы?!
Абри ауп ҳара ԥхьаҟа ҳазмышьҭыз, ҳахшыҩ рҩышьны измоу,
абри наҟ иаҳҟәаҳамблаакәа, ҳара ԥхьаҟа ҳазцом!
Иахьагьы ибла ихгылоуп, џьоукы цәыҵаччеит, даҽа џьоукы
рылахь аарӡатәын, анцәа уаҭанаимҵааит рҳәеит.
Дзусҭоугьы игәалашәоит, анцәа иџьшьоуп, ихшаз ирыхшаз иахьагьы иҟоуп, аҭаҳмада Қәҭар Кәыта иакәын. Ижакьа
игәышԥы иахысуа, амч суҭароуп иҳәозшәа, инапқәа налишьын, ус ҿааиҭит.
– Нани Дади аахәаны суҳәоит, дад, аиаша ҳаҳәа. Убри
иуку, аҩсҭаацәа агәылоуп ҳәа ззуҳәаз ашәҟәы, иаартны уара
уаԥхьахьоу? Убри соуҳәар, дад, нас сара уаҳа акгьы сҭахӡам –
исҳәаз шԥоубо, иугәаԥхома иҳәозшәа, ажәҩанахь даанаԥшит.
– Самыԥхьаӡац, саԥхьарцгьы сгәы иҭам! – иааҿахиҵәеит
Ҳараз. Иҵегьы иҳәақәарц игәы ишҭаз.
– Ари провокациоуп, динхаҵара азыҳәан апропоганда аҟаҵароуп иаанагауа, –итапанча ахы инапы ақәкны

дҩагылеит, маӡала излаидыз ала Бақьыр-иԥа Ҳараз хьчаҩыс
идыз, аха ажәлар рзы акомҿар активист ҳәа ирдыруаз, ды­ҟоуп,
анцәа иџьшьаны, уи ихшазгьы аӡәы, аколнхара аԥсаса дрыцуп, дахьынаҵыслак, ачачанцәа реиԥш, ауасцәа хылԥа ихоуп,
убас егьишьҭоуп – Уасцәа хылԥа, ихаҭа, иԥсаҭа шкәакәахааит,
дҭаркит, усҟанҵәҟьа, 1939 шықәсазы дыршьгәышьеит.
Аԥсы уизгәаар, уара баша угәы ԥужәоит, иара ишиԥырхагам
еиԥш, акгьы ихәом, уажәшьҭа аиаша ҳәа, Бақьыр-иԥа
Ҳараз, усҟан Қәҭар Кәыта иуеиҳәаз, иаҵанакуаз цқьа
уазхәыцу? Ашәҟәы ԥшьа дахәаԥшуа, игәы дынҭацәажәеит.
Уи зхиҳәаазеи? Уаԥхьахьазҭгьы уаҟа аҟәыӷарақәа шуанаҳәоз
убон, уара иузеиӷьхон иҳәеит. Абри дазхәыцуа дышнеиуаз, уаанӡа ихаҿы имааиӡацыз акы дазкылсит, аха уи
заҽԥныҳәатәыз, изхараитәышаз ҳәа дналкааны аӡәгьы дизымдырит, дизымԥшааит. Иуанаҳәашаз узымдырӡо, аҩсҭаацәа
агәылтәоуп, амца иақәыжьны ибылтәуп ҳәа ушахцәажәоз
еиԥш абри ашәҟәы, аизарақәа рҿы ишьҭыхны идумырбазаргьы, ирҳәаҵәҟьо узымдырӡо, даҽа шәҟәқәак, даҽа џьоукы
ирҳәаз ухы ақәҵауа уашьҭан, убри ауп, Бақьыр-иԥа Ҳараз,
урыцҳарақәа зегьы аазыхҟьаз, ахақәиҭра урҭозшәа агәра
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2168
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3320
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2205
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3316
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2137
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3287
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2274
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3310
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2217
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3312
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2192
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2272
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2270
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2253
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2239
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2122
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2196
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3387
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3341
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2238
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3344
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3324
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2241
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2230
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3382
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2127
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2240
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3317
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2213
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2237
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2251
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2291
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3267
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2355
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3308
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2234
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2304
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3386
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2303
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3299
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2329
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3306
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2320
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3363
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2108
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3361
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2193
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 3410
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2206
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 41
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2182
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 42
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2139
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 43
    Süzlärneñ gomumi sanı 3370
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2247
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 44
    Süzlärneñ gomumi sanı 3336
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2147
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Афбатәи атом - 45
    Süzlärneñ gomumi sanı 2585
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1744