Latin

Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39

Süzlärneñ gomumi sanı 3326
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Ажәытәтәи афилосов иҩуан: «Хорошо использовать победу важнее, чем победить», –ҳәа. Ҳарҭ, зыԥсы ҭаны аибашьра
иалҵыз, аиааира амш ахаанхара заҭәашьахаз, аиааира иаҳгаз
уаҩҵас ҳхы ианаҳзамырхәа, иҳанарыжьуам Аԥсны аиқәрхараз
зыԥсҭазара ахҭнызҵаз, урҭ адамра хыла иаҳарситоуп.
Ирацәоуп, ирацәаӡоуп иҟаҵатәу. Ирацәоуп иҩтәу, иҳәатәу.
Адунеи иаҳартә иҳәатәуп, шәҟәы-быӷьшәыла ишьҭыхтәуп
ақырҭуа фашизм Аԥсны имҩаԥнагоз агеноцидтә политика,
Аԥсны зҭадыргылаз ашьаарҵәыра, ирыблыз – ирыццышәыз,
идырҳәыз.
Рыхьӡ-рыԥша адунеи иаҳартә иҟаҵатәуп ахақәиҭра зхы
ақәызҵаз аҵеицәа.
Уаҩы дызхьымӡо ҳәа егьыҟам ҳхы ҳанзаиааи, адунеи аҿы
ҳазлардыруа, ҳхатәы хаҿы ҳазҭаз, аламыс аиааира анаҳзарга,
ҳзырԥхашьо, ҳцәа ԥызҽуа, ҳиааира ҳзаламгәырӷьо ҳҟазҵо,
ахымҩаԥгашьа бааԥсқәа ҳанзыриааи. Ус иҟамларгьы ԥсыхәа
ыҟаӡам. Агәра ҳамгарц залшом, аибашьра хлымӡаах аҿы
ихьамҵыз, Аԥсни аԥсуареи еиқәзырхаз, ауаҩреи ауаҩымреи,
аламыси аламысдареи реиҿагылараҿгьы, реибашьраҿгьы
хьӡи-ԥшеи рыманы ишалҵуа.
Ҳазшаз иҳаҭәаишьаз ҳахыбаамхааит!

АԤҲАЛ ХЫШӘҬИТ
Литературатә гәҭахәыцрақәак
Зны-зынла убас сгәы иаанагоит, реиҳа ианеиҵаха ҩышә,
уимоу хышә шықәсагьы схыҵуашәа, убасҟак аиҭакра дуӡӡақәа
мҩаԥысит ҳара ҳҳәынҭқарра аҩнуҵҟа
аҵыхәтәантәи
шәышықәсабжак аҩнуҵҟала, аха убарҭ аиҭакрақәа зегьы,
ҳәарада, инархыҳәҳәо иҟалеит, адунеи аҭоурых ианылаша
усхеит аимпериа дуӡӡа – СССР аилаҳара. Цәгьамзар бзиа
уаҩы дахыччом иҳәеит. Исгәалашәеит лафк. Пыҷеи Кыҷеи ҳәа
аигәылацәа ыҟан иҳәеит. Алаф еилырхуазаарын. Кыҷа грас
имазаарын, сара исхызгахьоу ҳәа дааҟәымҵӡакәа аҽхәара
усгьы нацҵауа: «Егьа срықәшәазаргьы, егьа схызгазаргьы, иубоит сӡыӷраԥшьӡа сшыҟоу» –ҳәа. Абас ишааиуаз, иааиқәшәан
дыԥсит. Аԥсраҿы Пыҷа днеит. Аԥсы дихагылоуп, дҵәыуам,
ҿиҭуам. Иҟоуҵои, Пыҷа ма уҵәыуар, ма ажәак уҳәар, ҿымҭ
узгылоузеи ҳәа инаиазҵааит. «Сыԥшуп Кыҷа дангыло ҳәа.
Дааҟәмҵӡакәа дыҽхәон, сара исхызымгац егьыҟам, зегьакоуп сӡыӷраԥшьӡа сышгылоу убоит иҳәон. Абыржәы дзықәшәаз
ашьҭахь дӡыӷраԥшьӡа дышгыло збарц сҭахуп» –иҳәазаап
ауаа иахьраҳауаз, ашьҭахь инациҵеит аԥсы ихы наиқәкны:
«Ееи, Кыҷа, егьа урықәшәахьазаргьы, абри аиԥшҵәҟьа
уақәмшәацызт. Зеиԥш ҟамло егьыҟам, уаҳа уӡыӷраԥшьӡа
узыҩамгылозар, уаҟа усзыԥшыз, ухь снеиуеит».
Исгәалазыршәаз, егьа ирықәшәахьазаргьы, абыржәы иахьыз аҩызаҵәҟьа амыхьцызт СССР. Ацәгьеи абзиеи картошым,
акапанга иақәҵаны иузыкапануам. СССР зыхьӡыз аимпериа,
ан гәакьас, аб гәакьас аҳәынҭқар ихааназтәи аурыс империа змаз, аԥсы ахьынӡаҭаз Аԥсны азыҳәан ацәгьареи абзиареи иазаанагаз акапан ақәҵара уадаҩуп, аха аԥсымҭазы
иҟанаҵаз абзиара – уаанӡа иҟанаҵахьаз абзиара, уаанӡа
иҟанаҵахьаз ацәгьарақәа зегьы хнаҩоит, иҿнахуеит. Аԥсны
иааганы иқәнархаз аколонизаторцәа наҟ иқәнагеит. Адунеи
зегьы ираҳауа иаргамаха, иҿаҿаӡа иааԥшит аҽхәаԥхьыӡи
азышәаҳәареи згымыз СССР ажәларқәа риешьара ишбашаажәаҭацәыз, ҳаиҩызареи ҳаешьареи бахҭак еицҭаку абаан­
даҩцәа реиҩызара ишаҩызаз.
Ҳара, иахьатәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, шаҳаҭс ҳрауит
абарҭ аҭоурыхтә хҭыс дуӡӡақәа аҩба: СССР аилаҳареи
аколонизаторцәа Аԥсны рықәцареи. Асеиԥш иҟоу ахҭыс
дуӡӡақәа ашәҟәыҩҩы игәы-иԥсы ихы-ихшыҩ аҿы «рылагара» даараӡа иуадаҩуп, ихьанҭоуп. Алуқәа ушьаҵаны унеиуазар ушымгәыӷӡо иаалырҟьаны алуқәа ушьхышәшәар,
ушьацәхныслоит, укаҳауеит. Изҭахыз, ан гәакьас изыԥхьаӡоз
ашәа рзиҳәон СССР зыхьӡыз, Ленини Сталини.Урҭ ашәаҳәаҩцәа
ран гәакьа дыԥсит, агәыԥҳәы зыгхаз асаби иҩызахеит.
Ирықәӡбатәума? Мап. Ирыцҳашьатәуп. Ирыдашшылатәуп
зан дыԥсыз асабицәа ишрыдашшыло еиԥш. Уи акатегориа
иаҵанакуаз ашәҟәыҩҩцәа ирзыҟалеит адоуҳатә трагедиа,
аха итрагедиамзаргьы адоуҳатә драма рзыҟалеит уи арежим
анԥсас изыԥхьаӡозгьы, ашәа азҳәара акәым, ранԥса дызгаша ахәшә лызҭазгьы. Урҭгьы, ранԥса дынхаббала данца азнык азыҳәан уф гәышьа, аԥсцәаҳа даҳԥыригеит рҳәазаргьы,
адырҩаҽны иааԥшит иккаӡа иҭацәны. Уаҳа дыҟамызт аӷа,
уаҳа иҟамызт иҵыршәаауаз аҭӡамц. Ахәлаччаҩцәа реиԥш,
рыбжьы рыхәлашәеит ахәлаҵәыуаҩцәагь. Уаанӡа арежим
цәак ааԥсахны даҽа цәак нашәнаҵацыԥхьаӡа ахәлаччашьа
иазырыԥшаауаз еиԥш, иааиз аамҭагьы ианаалаша ашәа
ссирқәа азырԥшааит ҳәа игәыӷт, аха башахеит. Ибашахеит,
избанзар ԥасатәи арежим зны амаҟа аркәадон, ҽазны иарххон, аха иаԥсахуамызт акы – иахәлаччоз, ашәа азызҳәоз
акриҿанаҵон, анапы дықәыргыланы дныҟәнагон, ари иааиз аамҭа егьа дамҵақьақьаргьы, иара усоуп ишыҟоу
уахәлаччаргьы уахәлаҵәыуаргьы, иара азыҳәан зегьакоуп,
иара мыждагьы зынӡа «чаҭлахк» иакәымзар, ашәа азуҳәо
иҟоума – аџьунглиақәа рзакәан уасхырс измоу иаиааиуа
еиҵеиуа ахьеибафуа. Шықәсқәак уажәаԥхьа иаҳҳәозҭгьы:
ҳанхоит-ҳанҵуеит ибзианы, иҵегьы еиӷьны ҳанхалароуп,
ҳанҵлароуп, уажәы иҳәатәхеит: ҳанхон-ҳанҵуан иҽеимкәан,
уажәы ҳанхоит-ҳанҵуеит ҳаицәаны ҳәа. Иҟалазеи? Иҳахьзеи?
Сгәанала аҭак аҟаҵара мариаӡоуп. Аҵарауаа ирыԥхьаӡеит
ажәа асоциализм ҩажәи-жәаба инареиҳаны ҵакы амоуп. Реиҳа иреицәаз аҵакы змаз асоциализм ҳара ҳҿы иҟан,
изықәӡаауазгьы убри азыҳәаноуп. Иреицәаз асоциализм ҳара
ҳҿы ишыҟаз еиԥш, иреицәоу адемократиа, иреицәоу акапитализм ашҟа ҳаиасит. Акоммунизм аргылара иауоу-иамуоу ҳәа
хынҩажәи жәаба шықәса, акроликқәа реиԥш ҳԥызшәауаз,
уажәы ҳԥышәара иалагеит адунеи иамбац демократиак, иамбац системак ҿыц ашьақәыргылара ауоу-иамуоу ҳәа.
Иахьӡузеи, Аԥсынгьы налаҵаны уажәы Урыстәыла
иҟоу аҳәынҭқарра? Ахьӡ уаҩы издырӡом, Аԥсны дырҳәит,
ицәдырҳәит ҩыџьа: абџьар зку аӷьычҩи амаҵура иахагылоу анапхымыцқьеи. Урыстәылагьы дырҳәит ҩыџьа:
ареформаторцәа ҳәа зхы иахьӡызҵази ҳдемократцәоуп ҳәа
иҳәҳәауеи. Сара сҟәыдырԥаҩым, иҟалаша сыздыруам, аха схазы агәра згеит акы: ацивилизациа ахьыҟоу, аҳәынҭқаррақәа
рҿы ишьақәгылоу асоциализм аҟны анхара-анҵыра лахьынҵас
ишысмоуз еиԥшҵәҟьа, ҩынҩықәра нысҵыргьы сахаанхом
адемократиатә ҳәынҭқарраҿы анхара анҵыра. Уажәраанӡатәи
сыԥсҭазаара мҩаԥысит асоциализмқәа зегьы иреицәаз аҿы,
иаанхаз, мҩаԥысуеит… Иарбан? Ахьӡ здыруада? Ахьӡҵәҟьагьы
ахьсзеилымкаауа ауп сгәы иалоу. Избанзар анҭ аԥышәара
мҩаԥызго, уажәы зыӡбара иаҿу ахәшәнырҵәага ахьӡ макьана рхаҭагьы иазырмԥшаац. Иҟалазеи? Абас ҳзыхәмаргахазеи
абри адунеи аҿы? Ахшыҩгьы аӡиас иаҩызоуп. Аӡиас икаҷҷалашо афымца ахылҵыргьы алшоит. Шәышықәсала Урыстәыла
ахшыҩ хырхарҭас иаман аимпериа арҭбаара, агәылацәа
рымпыҵахалара, рабашьра рнырҵәара. Асоциализми аимпериеи ааидырбырц ианалага, иреицәаз асоциализм алхтәхеит.
Уажәы иалагеит аимпериеи адемократиеи ааидырбырц. Урҭ
аӡи амцеи реиԥш ааибышьа рымаӡам. Аимпериа еиқәзырхо
акы заҵәыкоуп – адиктатура, атоталитартә режим.
Сахьгәаҟуа, сышԥазхәыцуеи Аԥсны? Ҳгеографиатә
ҭагылазаашьа злаҟоу ала, Аԥсны иӷәӷәоу ҳәынҭқарра дук
ахылаԥшуазар ада ԥсыхәа амаӡам. Ацәҳар анахыҵуа иахухыроуп иҳәеит. Ацәҳар реиҳа ианахыҵуа аамҭа ҳҭагылоуп.
Шьакаҭәарала Аԥсны империак иампыҵаҳхит. Уажәшьҭа
иазхәыцтәуп даҽа империак излаламӡыша. Иахьынӡазбо ала,
убри ахьырыӡбаша амҩоуп изнугьы ҳнапхгара.
Мҩамш Анцәа ҳақәиҵааит! Аԥҳал хышәҭит, иҭаз аӡы
ҭыкәкәеит. Аус злоу иҭаҳҭәо аӡы зеиԥшроу ауп.
«Аԥсны», 1994

ҲЗЕИДГЫЛАР, ЕИҚӘҲАРХОИТ
Иаҳгәалаҳаршәап еицырдыруа ахшыҩҵак. Акультура
ахкқәа зегьы ирхадоуп асахьаркыратә литература. Уимоу,
иуҳәар ауеит акультура ахкқәа зегьы ахьынтәаауа, хыҵхырҭас,
дац-ԥашәс ирымоу асахьаркыратә ажәа ауп ҳәа.
Хара ҳамцап. Убас шакәу агәра ҳнаргоит аԥсуа
сахьаркыратә литература аҭоурых. Раԥхьаӡа ахы ыҵнахит,
аҿиара иалагеит асахьаркыратә шәҟәыҩҩра, ашьҭахь аҿиара,
аизҳара иалагеит егьырҭ апрофессионалтә культура ахкқәа
зегьы, иааизакны амилаҭтә профессионалтә культура ҳәа
изышьҭоу. Уи аҟны мацара иҟам асахьаркыратә литература
ароль.
Асовет мчра анышьақәгыла, Аԥсны зны аидгылатә республиканы ианыҟаз, ашьҭахь автономтә республика аҟынӡа
иладырҟәызаргьы, зегь акоуп аҳәынҭқарра ҳәа азырҳәауа
иахьеиқәхаз, аиҳараӡак ҳәарада, изыбзоуроу ҳхатәы
шәҟәыҩҩра ахьҳамазоуп. Ус анакәха, иахьа Аԥсны ихьыԥшым
хазы ҳәынҭқарроуп ҳәа ҳҳәартә аҟынӡа ҳахьҩеизгьы зыбзоуроу ҳхатәы шәҟәыҩҩра, ҳхатәы милаҭтә культура ахьҳамоу ауп.
Амилаҭтә сахьаркыратә литература аныҟамла, идыру усуп, изыҟалом раԥхьаӡа иргыланы амилаҭтә школқәа,
амилаҭтә театр. Аҵла аԥашәқәа рыла аҩара ишалаго еиԥш,
аԥсра-ақәӡаара иалагоит амилаҭтә культура, аԥсра ианалага
инаркны амилаҭтә шәҟәыҩҩра. Абри ашәарҭа ҳҭагылоуп ҳара
иахьа. Аҵла иалыҩрыз амаҭ ицҳаит ҳәа, асовет мчра ахыбгалара азымхозшәа, аибашьра иахылҵыз аекономикатә уадаҩра
дугьы абӷа иақәҳаит ҳашәҟәыҩҩра. Аибашьра ҳазҭанаргылаз
ауадаҩра ҳанаиааилак ашьҭахьгьы, ҳаԥхыӡ ишалоу еиԥш,
Аԥсны аҩбатәи Швеицариахаргьы, алитература иазынхоит
асистема ҿыц иаанагаз ауадаҩра.
Алитература азыҳәан Анцәа ишаны иҟан Асовет мчы.
Ҳәарада, атоталитартә режим зымҩа аанартуаз, иара ашәа
азызҳәоз аҩымҭақәа ракәын цхала иарчозаргьы иара иазыкакоз, ашәҟәыҩҩцәа ракәын. Аха иҟан даҽакгьы, алитература азыҳәан иԥсхаҵагоу – аԥынгыла хьанҭа, ахықәкы
ду, ауалԥшьа. Аидара зқәу ауардын ауп иҿыжуа, ажәлар
ирықәҳауаз аидара ишьацаагагахон асахьаркыратә ҩымҭақәа,
аиҳараӡак изхылҵыз асовет мчы ԥсаанӡагьы аԥсра ишалагахьазгьы. Иналк-ҩалкны ҩымҭақәак ракәым, алитература
аҭоурыхҭҵааҩцәа ракәымзар уаҳа рыӡбахә, рыхьӡ рымҳәауа,
зыхьӡ ԥсуа ашәҟәыҩҩцәа ҟалоит аԥсуа ашәҟәыҩҩраҿгьы.
Аҭоурых иаҭатәу аҩымҭақәа ҳаклассикцәагьы ирҭынхеит,
иҳамоуп уажәтәи ашәҟәыҩҩцәагьы. Аха иахьа азҵаара
шықәгылоу, иԥсыз инхаз ҳәа реилыхра акәым, азҵаара
шықәгылоу Асовет мчы цәгьазу ибзиазу ҳәа акәым. Ибзиа
акәым, иџьанаҭӡазаргьы, Асовет мчра уаҳа хынҳәышьа амам.
Аамҭа иаанагеит, аҿҳәара ааин, ицеит. Ацәгьареи абзиареи
аҭоурых, аамҭа еилнаргап. Ҳара ҳҭагылоуп иахьа ҳазҭагылоу
аамҭа. Аамҭа ҳҽақәҳаршәап. Аӡыхәашь анзауа еиԥш, ихәашьыз
ҳаламыс анышьақәгылонӡа, еилаҳаз ҳекономика шьҭыҵаанӡа
иааԥшааит ҳәа, ҳашәҟәыҩҩра анышьҭаҳҵа, ҳиеиԥшхар
ҟалоит, зны анхара ҟасҵап, аҩны хьыҵәцара сыргылап, нас ахшара дсоуп дсааӡап ҳәа зыӡбаз. Игу зегьы ҟаҵаны далгаанӡа
ахшара димоуа дажәит. Ҳаԥхьаҟа ҳәа ҳаннаха аԥсуа шәҟәи
аԥхьаҩи, уаанӡагьы еилаҵәамыз, иаҳагьы еицәыхьшәашәар
ауеит. Алитература аԥсы аҭазаашьа даараӡа иугәаланаршәоит
ахәшҭаара. Амца ҿымҵәаарц азыҳәан, иааиԥмырҟьаӡакәа
анапы аҭахуп, алитература иаҭахуп амассатә хархәагақәа,
иаҭахуп иааиԥмырҟьаӡакәа аԥхьаҩцәа рызнагара изҩыз
рхаҭақәа рҿалагьы, артистцәа рылагьы.
Иаҭахуп, иаҭахуп… Иаҭаху ззымдыруада! Изызхәыцтәу
ҟаҵашьас иамоу ауп. Ҳхынҳәып ҳлитература анхацыркхьаз
аамҭахь. Ашәҟәы ҭижьит Дырмит Гәлиа. Ишәҟәы иҩны ишьҭан.
Иаԥхьодаз. Идырҳатәын аԥхьаҩ, нас акәын ашәҟәы инапаҿы
ианааникылоз.Дазкылсит зыда ԥсыхәа ыҟамыз – апериодикатә
кьыԥхь, агазеҭ. Усҟан аҟараҵәҟьа аԥхьаҩ ҳилхәдаамзаргьы,
изгәаҟра уеизгьы иҳамоуп иахьагьы. Иааиԥмырҟьаӡакәа
ажурналқәа рҭыжьра иаҳа иуадаҩуп, инаихангьы иуадаҩуп
инеиқәрццакны ашәҟәқәа рҭыжьра. Сгәанала, ачымазаҩ
ахәшә дшаргәаҟуа еиԥш, иахьа ҳара ҳлитература, ус анакәха,
ҳмилаҭтә культура зегьы, аргәаҟуеит ҷыдала иара иазку агазеҭ
газеҭ ҿыцк аҭыжьра.Аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа уҳәа ҳзеидгылар,
иаҳҳәо ҳзеицҳәар, ҳекономика абасҟак ишылаҟәугьы, агәра
ганы сыҟоуп, агазеҭ аҭыжьра уаҩы ишалиршауа. Мызкахьы
ҩынтә-хынтә ианамуӡах, ма знык. Излалыршахозеи? Убри
азыҳәан иаҭахуп жәа-миллионк аԥара. Зынӡа иҳазҭо ауаҩы,
ма аорганизациа ҳзыԥшаар, ианҳау инаркны, агазеҭ аҭыжьра
уаҩ далагоит. Зынӡа ҳәа иаҳмоур иалшоит аԥсахра наӡында.
Жәа миллионк ааԥсахны, наӡынла иалаҵазар, жәамз анааҵлак,
аԥара зымԥсаху ртәы дырхынҳәҳәоит. Абанк аҿы иаанхоит
жәа миллионк инарыцны. Уи нахыс урҭ аԥарақәа иаарышьҭуа
анаӡын агазеҭгьы ҭнажьуеит, хар амамкәа, агонораргьы ҟалоит.
Абри амҩа ҳақәын ассоциациа Аԥсны аинтеллигенциаҿы.
Аха ҳрыцҳара агартә, ҳкультура аӷацәа ҳорганизациа амца
лацраҵаны ирыблит. Уажәшьҭа уи агазеҭ ҭнажьыртә алшара
аиурц азыҳәан аамҭа кыр аҭахуп.
Ҳазааҭгылап иарбан газеҭу зыӡбахә ҳамоу. Ҳәарада,
уи ҭыҵлароуп аԥсышәала. Изызкхозеи? Зегьы, аполитика
аамышьҭахь.Асахьаркыратә литература, аҭоурых, аетнографиа,
асахьаҭыхра, амузыка, атеатр, ажәлар рнапкымҭа, ажәакала,
аӡлагара алуқәа зкуа инаркны, асимфониатә рҿиамҭа аԥызҵо
акомпозитор иҟынӡа адоуҳатә мал зегьы иазку агазеҭ.
Ҳалацәажәап даҽа гәаанагаракгьы. Зыӡбахә сымоу
агазеҭ ҿыц ҳәа акәымкәа, ирхынҳәызар ҟалоит уажәтәи ҳгазеҭ
«Аԥсны». Абарҭ хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ракәын уи агазеҭ «Аԥсны»
ахьыӡҵаны Дырмит Гәлиа аҭыжьра дшалагаз. Ашьҭахь уи
агазеҭ абольшевикцәа импыҵырхит, даҽа хырхарҭак арҭеит,
идырҟаԥшьит. Ишааиуаз, аӡы ахьышьҭрахь ихынҳәуеит ҳәа,
ажәа «ҟаԥшь» наҟ инамҵын, раԥхьатәи ахьыӡ ашҟа ихынҳәит,
аха ихнырҳәу ахьыӡ мацароуп. Ихнырҳәым агазеҭ зызкыз
ашҟа, ишьақәыргылам аҭоурых иаша. Жәаҳәарада, Аԥсны
Апарламент иамазароуп аԥсышәалагьы иҭыҵуа агазеҭ. Уи
азҵаара аӡбара мариоуп. Даҽа хьӡык наҭаны, ишҭыҵыц
аҭыҵра иналагап Аурыс газеҭ «Литературнаиа газета» хациркит А. С. Пушкин. Иахьагьы уи ихьӡ уаҟа иануп. Агазеҭ «Аԥсны»
хацзыркыз Д.Гәлиа ихьӡ нацҵаны, ишысҳәаз еиԥш, раԥхьаӡа
аҭыҵра ианалагаз изызкыз ашҟа ирхынҳәызар, гха дук риашахеит ҳәа уаҩы иԥхьаӡоит. Ус аума, егьыс аума, иззысҳәаз
иазку агазеҭ ҿыц аҭыжьра анеиҿкааха, ҳбызшәа азыҳәан
иаҳҳәауа инаркны милаҭҵас ҳхы аиқәрхара аҟынӡа иаҳҳәо
зегьы, ажәала мацара акәымкәа, аус аҿы анагӡара ҳшаҿу
зҳәауа факт духоит. Ҳаицазхәыцып.
«Аԥсны», 1995

«АЦГӘЫ АКӘАКЬ ИКҾОУМЦАЛАР…»
Аурыс шәҟәыҩҩы Лев Толстои имшынҵаҿы иҳәон абас
еиԥш: «Аԥстәқәа зегьы реиҳа анаалашьа бзиоуп, ацәаҩа
ҟәымшәышәуп ацгәы. Аха ацгәы акәакь икҿацаланы ашьра уалагар, ацыӷ аҵкыс еицәахоит, унапқәа ҿнафаауеит».
Урыстәыла «аибашьратә партиа» ҳәа изышьҭоу ауаа иахьа
Чечентәыла иазаарго ахлымӡаах ухаҿы ианааугалак, аклассик
иажәақәа иахьа иҳәазшәоуп ишшыҟоу. Рыцҳарас иҟалаз, аҟәыӷа
иажәа иуаҩым ауаҩра илхра залшагәышьом.
Адунеи зегьы ргәахы арҵысит, рыбла хнатит уажәааигәа
Ставропольтәи атәылаҿацә иаҵанакуа ақалақь хәыҷы Будионовск иҟалаз атрагедиа. Ачечен еибашьыҩцәа, Шамиль Басаев ԥызас дызмаз абри ақалақь иақәлеит. Зықьҩыла ауаа
тҟәаны ахәшәтәырҭа иҩнаркит. Уаа шәҩык рҟынӡа ршьит.
Ақәылаҩцәагьы ԥыҭҩык ҭахеит. Ашьҭахь, мчыла ӡбашьа
анырзамҭа, хаала еилгеит. Ақәылаҩцәа рыԥсадгьылахь
идырхынҳәит. Атҟәацәа рхы иақәиҭхеит. Иҟалеит адунеи иамбацыз атеррор. Атерроризм уаҩра злоу зегьы ақәӡбеит. Акгьы
зхарам ауаҩы ишьра, итҟәара ацәгьоурақәа зегьы иреицәоу
цәгьароуп. Ҳаргьы ҳақәӡбуеит. Убас ҳшазыҟоугьы, ауаҩы
инапы ҿызфааз ацгәы кнаҳан ишьтәуп анаҳҳәауа, ламыс
ҳамазар, ацгәы ҟәымшәышә убас ҟанаҵартә аҟынӡа иназгаз
ҳаламцәажәар ауам.
Афактқәа зегьы раагара ҳалагар, ажәа ҳаибаршьуеит.
Иаҳҳәап лкаа заҵәык. Қырҭтәыла Аԥсны еибашьрала
иақәымлакәа, ажәала, дипломатиала азҵаара аӡбара шауаз еиԥшҵәҟьа, Урыстәылагьы Чечентәыла еибашьрала
иақәымлакәа, еицәажәарала, дипломатиала реизыҟазаашьа
аӡбара ауан. Аха рыцҳарас иҟалаз, иҟан, иҟоуп аибашьра
ззеиӷьу џьоукы. Шықәсыбжак аахыс Чечентәыла имҩаԥысуеит
агеноцидтә политика. Еилых ҟамҵакәа, ачеченцәа рнырҵәара
иаҿуп. Усгьы зегьы ҳаршьуеит ҳәа згәы кыдгылаз роуп атерроризм аҟынӡа инеизгьы. Еиҭасҳәахуеит, Шамиль Басаев
иҟаиҵаз узадгылом, аха аԥсуаа ибзианы ирҳәахьеит зԥа
дымԥсыц уԥа диумырҵәыуан ҳәа. Аӡәы игәырҩа аилкаара даҽаӡәы ицәыцәгьоуп. Уан дызшьыз, усаби дызшьыз иан
думшьын, исаби думшьын ҳәа иоуҳәар уажәақәа баша аԥша
иагоит. Убри, ашьоурагьы дахыҳәҳәаны иҽыҳараикит Шамиль
Басаев. «Ҳара иҟаҳҵаз ашьоуразы иҟаҳамҵеит, уи ҳнарҟаҵеит
агәыԥҵәара, агәахы акыдгылара, –иҳәеит уи.
Дыҟам аԥсыуак Шамиль Басаев ма хаҭала дыззымдыруа,
мамзаргьы иӡбахә змаҳац. Ҳарҭ аԥсреи абзареи ҳанаарҭагыла,
шәымшәан, ҳашьцәа, ара ҳаҟоуп ҳәа ҳацхрааразы раԥхьаӡа
иаҳзаақәаз дреиуоуп уи. Иеибашьышьеи, иуаҩышьеи,
иҟәыӷареи ирыбзоураны иаарласынгьы Аԥсны ихьӡ ахыҵәеит.
Иареи сареи аибашьра анцоз изныкымкәа ҳаиқәшәеит,
ҳаицәажәеит. Исымоуп изку анҵамҭақәа. Абраҟа иаазгоит
убарҭ рахьтә акык-ҩбак.
Гагра ахы иақәиҭхахьан, аха аибашьра еилымгацызт.
Атҟәара аҟнытә схынҳәит. Ҳаицәажәон. Иасҳәеит ибзианы издыруаз фактк.
– Шамиль, – ус ҿаасҭит, – Кәачара ахы ианақәиҭышәтәуаз
иқәышәцаз еибашьҩык, ҳара иҳабашьуаз, ҳаӷаки сареи
ҳаицәажәон. Уи убас иҳәеит: «Ҳарҭ, Кәачараа ламыс ҳамазар
аԥсуаагьы, Басаев раԥхьа днаргыланы ачеченцәагьы иҭабуп
ҳәа раҳҳәароуп, рбаҟа ҳаргылароуп, убасҟак уаҩрала
иҳазныҟәеит. Арҭгьы егьыс ауаагьы, ҳазегьы ҳаижәыланы
ҳаԥхеибарс Кәачара ҳалҵны ҳцон. Иаҳхыкны аҵлақәа
рымахәқәа аттаҳәа ихыҵәҵәаны икаԥсон, убасҟак ахқәа
ҳашьҭан. Иаҳхыкны ихысуан. Ирҭаххазҭгьы ҳазегьы ҳашьны
ҳашьҭарҵон. Ҳамшьыкәа ҳақәырцеит. Изхарада? Ҳара.
Кәачара атехника наҳгеит. Аибашьцәа абџьарла еибаҳҭеит.
Ҳара ҳрықәлараны ҳшыҟаз дара лаҳақәлан, иҳахәҭаз ҳзыруит.
Ииашоума, Шамиль уи ииҳәаз?
– Ҳара ҳзеибашьуа ауаа рышьра азыҳәан акәӡам. Иқәҵны
ицааит, уаҳа акгьы, – иҳәеит уи иааркьаҿны.
– Шамиль, Кәачара аныжәгоз иугәалашәома, иҟалама
абри аҩыза: «Амашьына «Волга» аԥхьа игылан, ашьҭахь игылан «Жигули». Агәҭа игылан «Вилис». Кәачара ахыи аҵыхәеи
иалсит, уара уааигәараҵәҟьа ииасит, – сҳәеит.
– Ииашоуп, исгәалашәоит, – иҳәеит Шамиль.
– Шамиль, агәҭа игылаз амашьына дҭатәан Џьаба Иоселиани, – сҳәеит.
Азнык азыҳәан иԥштәы аҽаԥсахит. «Ҳнапаҿы дшыҟаз
дышԥаҳацәцеи! Ах, иаҳдыруазҭгьы», –иҳәеит.
– Ижәдыруазҭгьы – шәилгон?
– Мап, дҳатҟәон. Аибашьрагьы ааилгон. Аԥсны шәалҵ,
мамзар даҳшьуеит ҳҳәон, –ашьҭахь ус нациҵеит. – Угәанала,
иаанагозеи уи уаҟа дахьыҟаз? Ҳара ҳашиааиуа даҽазнык
агәра згеит. Усеиԥш аҭыԥ ду аанызкыло ауаҩы аибашьра
адәахьы дымнеироуп, даннеи, еибашьцәа шәыргәындақәоуп
ауп иаанаго.
Шаҟа диашахазеи.
Иаазгоит аибашьраан иҟаҵаз даҽа нҵамҭак.
Ахы иақәиҭыртәуан Ганҭиадии Леселиӡеи. Шамиль игәыԥ
иманы шьхала дахыкәшаны Ганҭиади агәҭаҟа дылбаарц даауан. Иаԥхьаҟа ишьҭит аԥшыхәыҩцәа. Еилыркааит. Раԥхьаҟа
даауеит, акыргьы дааигәахахьан Ҟарҟарашвили. Ар имоуп
хышәҩык рҟынӡа, абџьарла деибыҭоуп. Игәырӷьеит Аԥсны
ахьчаҩцәа. Имҩа ҳкуеит, ҳрылгоит. Шамиль акоманда ҟаиҵеит.
Еибашьыҩцәа мҩахигеит. Амҩа ииҭеит Ҟарҟарашвили. Уи
даниас, рымҩа инангылан, иҩалбаан Ганҭиади агәҭа иналагылеит. Ҳара ҳтәқәа инарыцлеит. Згәы аҟыҿыҳәа еицҳауаз
ас зыҟауҵазеи ҳәа ианиазҵаа, ус ҿааиҭит: «Ҳаибашьызҭгьы
агәра згоит, ҳара ҳшаиааиуаз, аха иаргьы ӷәӷәала деибашьуан.
Уаҳа ԥсыхәа имамызт, ишьҭахь иаԥхьа зегьрыла дҭакхон. Аха
ҳаргьы аҷкәынцәа ҳацәҭахон. Ҳара ҳзы аӡәы акыр даԥсоуп».
Шамиль Басаев Аԥсны мрагыларахьтәи афронт аҟнытә
уаанӡа дахьыҟаз мраҭашәарахьтәи афронт ахь даныхынҳә,
зынӡаск дцеит ҳәа рылаҩит ҳаӷацәа. Гәырӷьарахеит, хысрахеит. Иаахтны иҳәатәуп дызцазгьы. Уи ҟазшьас иман,
ахы иахьақәиҭитәыз аиланхарҭаҿы иеибашьыҩцәа иргарц азин рымам ҩба: афатәи аԥаҵасагақәеи. Кәачара ахы
ианиқәиҭыртә ҳаԥсуааи, аерманцәеи, Гагра ахы ианақәиҭха
ишыҟарҵаз еиԥш, гәабани хызеи иаарымԥыхьашәаз акы
аанмыжькәа арҳәра ианалагоуп данықәҵ.
Ирацәоуп, ирацәаӡоуп уи изыҳәан иуҳәаша. Ихҳаркәшап
алкаа ала, Шамиль Басаев деибашьҩуп, ахақәиҭразы
жәларык, милаҭк, ҳәынҭқарра дук тәыс иҟарымҵарц, рхәура
иҭарымҵарц азыҳәан. Уи дҟәыӷа дууп. Иуаҩу изыҳәан дуаҩуп.
Абнаҳәа еиԥшхаз изыҳәан алым даҩызоуп. Уас дышьҭухыр,
днырхагоуп, ӷас дҟоуҵар ашәы наушәыуҵеитоуп.
«Аԥсны», 1995

АШӘЫҞӘҚӘА РЫШӘҞӘЫ
Хынҩажәи жәаба шықәса инареиҳаны иаҳцәыҵәахын
ашәыҟәқәа рышәҟәы Абиблиа, Ашәҟәыԥшьа. Динхаҵарас
дзеиуазаалакгьы, ари ашәҟәы ззымдыруа, аҵара сымоуп синтеллигентуп изҳәом. Иахьатәи ҳкультура акаҳара, абнауаҩра
аҟынӡа ҳнеир изыхҟьаз, изхарақәоу ируакуп, аныхабаақәа
ишрызныҟәаз еиԥшҵәҟьа иахьазныҟәаз Абиблиа.
Ажәа «библиа (ашәыҟәқәа) бырзен ажәоуп, «библион»
(ашәҟәы) аҟнытә иаагоуп.
Абиблиа шьақәгылоуп ҩ-шәҟәыкны. Раԥхьатәи иахьӡуп
«Ижәытәӡатәиу ауасиаҭ». Аҩбатәи – «Аҿатә уасиаҭ». Дара
ашәыҟәқәагьы хзы-хаз еидыркылоит иаҳа ихәыҷу ашәыҟәқәа.
«Ижәытәӡатәиу ауасиаҭ» аҿы иҟало ахҭысқәа,аҭоурых аҿы
ииашаҵәҟьаны аҭыԥ змаз, аҵарауаа излашьақәдыргылахьоу
ала, ианыҟалаз аахыс хԥа-ԥшьба нызқь шықәса реиҳа ҵуеит.
Шәҟәыкны аизакра иалагеит ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа
ажәаҩатәи ажәахатәи ашәышықәсақәа рзыҳәан.
«Аҿатә уасиаҭ» алагоит ҳашықәсԥхьаӡара, мамзаргьы
Иисус Христос диит ҳәа анырыԥхьаӡо инаркны.
Ижәытәӡатәиу ашәҟәаҿы зынӡаскгьы иӡбахә ыҟаӡам
Христос. Уи зызку ауриацәа рынцәахәы Иахве (Иаҳиа)
имҵахырхәароуп. Анцәахәы ихаҭа убасҟак дыџьбароуп,
дгәымбылҩуп,
дааҟәымҵӡакәа
ауаҩы
длаирҟәуеит,
диқәымчуеит. Убасҵәҟьоуп дшыҟоу уи ихьӡала зусқәа ауаа
рҿы иназыгӡо Моисеи. Ашәҟәы зегьы иагәылжжуеит ашьа,
алабжыш, еротика, амаҳагьара, аргәаҟра. Абас ишыҟоугьы, уи
иагәылоуп убасеиԥш иҟоу ахшыҩрҵагақәа, аламысааӡагақәа,
ауаҩы иуаҩра шьақәыргылагақәа, ауаатәыҩса ыҟанаҵ мап
зцәырымкша. Убарҭ иреиуоуп, иаҳҳәап, думшьын. Ауаҩы,
ауаҩы думшьын. Моисеи ари иуасиаҭ хада идикылеит,
иахьатәи ҳбызшәала иаҳҳәозар, мҩақәҵагас иҟаиҵеит, пропогандистс дазыҟалеит.
Абиблиа иалхәдаахаз ауаҩы иҵара-дырра злабжам­
ҽамхо, Ашәҟәы ахаҭа иаҳәо аҟәыӷара дуқәа, аламысааӡагақәа
дахьрылхәдахо азыҳәан мацара акәым. Абиблиатә сиужетқәа
ззымдыруа, еилкаашьа изаҭаӡом урҭ асиужетқәа рыла
иаԥҵоу аҟазаратә рҿиамҭақәа, асахьаркыратә-литературатә
ԥҵамҭақәа. Микеланџьело, Бах, Данте, Пушкин, Достоевски,
Рафаель дарбан шәҟәыҩҩы дуу, сахьаҭыхҩу, композитору
зырҿиамҭа еилаҳкаауа, ҳамыԥхьацзар, иҳамҵацзар Абиблиа,
избанзар урҭ зегьы рырҿиаратә гәаҳәара хыҵхырҭас иамоу
Абиблиа ауп.
КПСС ацензура иахьамуаз иахҟьаны, Абиблиа ахьӡ
мҳәакәа, уи асиужетқәак, аҿыханҵа, аскульптура уҳәа
реилкаараҿы аԥхьаҩцәа ирыцхраарц, ҳжурнал аҿы анҵара
уажәраанӡагьы ҳалагақәахьан. Аха ҳабжьы бжамҽам ахәыҷ­
гьы аанкылан. Адинхаҵара апропаганда зура шәаҟәыҵ
рҳәеит. Аҵыхәа ааԥҵәеит. Уажәшьҭа, Анцәа иџьшьаны, ацензура аԥыххеит. Сгәанала, ихацҳаркхьаз аус иазыхынҳәтәуп, иаҳа
инарҭбааны инагӡатәуп, избанзар, хыхь ишысҳәаз еиԥш, Абиблиа асиужетқәа ззымдыруа еилкаашьа изаҭом, амузыкатә,
аҿыханҵатә, аскульптуратә, иналукааша алитературатә уҳә
арҿиамҭа дуӡӡақәа.
Уажәоуп ҳаналаго, аҟазара иазку ажурнал аханатә
иауалԥшьаз абиблиатә сиужетқәа аԥхьаҩцәа қәыԥшқәа дырдырра.
Дарбан уаҩԥсызаалакгьы ихы-иҵыхәа идыруазарц
иҭа­­хуп. Дины адунеи даннықәла инаркны, игәалашәарц
да­шь­ҭалоит ихәыҷра. Аӡәы данысабиӡаз, иаҳҳәап, хԥаԥшьба шықәса анихыҵуаз инаркны ихы игәалашәоит, даҽа­
ӡәы – иаҳа даныҩеидас инаркны. Инеизакны иугозар,
ауаатәыҩсагьы убасоуп ишыҟоугьы. Иргәаладыршәарц рҭахуп
адунеи ишықәнагалаз, Анцәа ишишаз, ианӡыҟыз, ианысабииз, нас ишымҩасыз рхәыҷра, рқәыԥшра, рыуаҩра иааины
ишҭагылаз. Аха убри ианазхәыцлак, зҵаара дук ааины раԥхьа
иаақәгылоит.
Ишԥаршеи ауаатәыҩса ҳазну, иара адунеи ахаҭа? Изшада?
Ауаатәыҩсагьы ҳазшаз – Анцәа.
Уаҩы иџьеишьаратә иҟоуп. Анцәа адунеи шишаз ҳәа
еиуеиԥшым ажәларқәа рҿы ирҳәо алакәқәеи алегендақәеи
Абиблиа ишануи акырӡа еизааигәоуп, бжеиҳаџьара аӡәы
иӡбазшәа еиқәшәоит. Убас акәҵәҟьазар Анцәа адунеи шишаз,
аԥсуаагьы ииашаны игәныркылеит. Америкатәи аборигенцәа
уазҵааргьы, Африкаа рлакәқәа урзыӡырҩыргьы Абиблиа
уаԥхьаргьы, раԥхьа иауаҳауа акоуп. Адунеи Анцәа ишеит. Акгьы ахала иҟамлеит.
Ҳазааҭгылап Абиблиа ишҳанаҳәо.
Раԥхьаӡа Анцәа иишаз ажәҩани адгьыли роуп.
Уархәыцыртә иҟоуп араҟа адгьыл аԥхьагьы ажәҩан ахьгылоу. Еициз – еиқәлацәоуп, аха зегьакоуп, шәымҭақәак рыла
акәзаргьы, руаӡәк уеизгьы деиҳабуп. Еицишоит ажәҩани адгьыли, урҭ еиқәлацәоуп, аха уеизгьы шәымҭақәак еиҳабуп
ажәҩан.
Ажәҩан хыхь иҟан – ҵаҟа – адгьыл. Ажәҩанаҿ, илашан ҳәа
ҳанаҳәом Абиблиа, аха адгьыл аҿы илашьцан, акгьы убомызт
ҳәа злаҳәо ала, ажәҩанаҿ илашан уҳәартә иҟоуп. Ус анакәха,
ажәҩанаҿ илашан, адгьыл алашьцара жәпаӡа иахатәан.
Адгьыл лашьца иахагьежьаауа, иахаԥраауа иахан Адоуҳа.
Анцәа Идоуҳа. Ишылашьцазгьы, Адоуҳа иабон адгьыл ккаӡа
ишшҭацәыз, иабон аӡы. Уажәтәи ҳбызшәала иуҳәозар, уи планс
иамазар акәхарын ауаҩы дишарц, аха уи аплан наигӡаанӡа,
ирлашар акәын.
Убасҟан иҳәеит Анцәа. Иҟалааит алашара.
Ишааиҳәаҵәҟьаз иаалашеит адунеи. Ихаҭагьы ибеит
алашьцара аҵкыс иаҳа ишеиӷьыз алашара.
Анцәа еиҩишеит алашьцареи алашареи. Алашьцара аҵх
ҳәа ахьӡиҵеит, алашара – амш ҳәа.
Шәымҭак ҳназхәыцып абраҟа аԥсуаа ирҳәауеи Абиблиа
иаҳәауеи шеиқәшәауа. Алашьцара – аҵх, алашара – амш.
Изеиԥшроу аамышьҭахьгьы ахьӡ ҷыдақәагьы рымоуп.
Абас иҟаиҵеит Анцәа раԥхьатәи амш азы.
Зегьы ӡы мацаран. Унӡааҟәрылон. Ушьапы зықәургылаша
ҵәахын. Анцәа еиҟәишеит аӡи адгьыли. Еиҟәишеит аӡқәагьы.
Хыхь иҟоу, ҵаҟа иҟоу ҳәа акәымкәа, зегьы еилан. Урҭгьы
еиҟәишеит. Џьоукы хыхь ишьҭит, даҽа џьоукы ааникылеит
ҵаҟа. Хыхь иишьҭыз иахьӡиҵеит ажәҩан ҳәа. Ҵаҟа иааникылаз – адгьыл ҳәа.
Абри дшаҿыз даҽа знык ихәлеит, ишеит. Ари аҩбатәи
амш акәын.
Дызҿыз ахымш рыҽны?
Уи ҳҳәаанӡа, ҳназхәыцып «амш». Ашара – амшара.
Раԥхьатәи ашара, раԥхьатәи амш. Аҩбатәи ашара, аҩбатәи
амш, аҩаша уб. иҵ.
Ахымш рыҽны Анцәа ршара даҿуп ицәҳәӡа ишьҭаз адгьыл зырԥшӡашаз, аԥсы ахазҵашаз. Ус ҿааиҭит. Аҳаскьын
ықәиааит адгьыл, шәаԥыџьаԥла ихҟьахааит. Ишиҳәаз иҟалеит.
Аҳаскьын иаҵәаӡа иқәиааит адгьыл, ҵҩа змам, еиуеиԥшым
ашәаԥыџьаԥ ҩагылеит.
Даҽазнык ихәлеит, даҽазнык ишеит. Ахымш рыҽны абзиара шыҟаиҵаз ибеит Анцәа.
Аҵхи амши еиламҩашьо иҟазҵалаша, еиҩызшаша акы
ӡбатәын. Ажәҩан икыдлааит амра, уи амш иатәызааит иҳәеит.
Аҵхгьы иара атәык аҭахын. Уи иазишеит амза. Ҩ-цәашьык
кыдиҵеит ажәҩан. Амреи амзеи.
Даҽазнык ихәлеит, даҽазнык ишеит. Абас даԥылеит
аԥшьбатәи амш, аԥшьаша, ашарақәа аԥшьбатәи рымш. Уаҳа
ишатәузеи?
Ауааԥсыра рхазыҳәан Анцәа ҳаишеит ҳәа шырҳәо еиԥш,
егьырҭгьы ԥсы зхоу рзыҳәангьы Анцәа ишеит ҳәоуп ишырҳәо.
Ақәыџьмагьы иқәыџьмазарц Анцәа ишеит, ауасагьы – уасазарц.
Ахәмыш аҽынгьы аҟаҵатәқәа рацәаны иман Анцәа.
Аӡы ахаҭа иахшааит, иҳәеит зыԥсы ҭоу. (Иаҳгәалаҳаршәап
аԥсуа ажәа «аԥсыӡ», аԥсы, аӡы, ԥсы зхаз аӡы иҭалеит). Урҭ
раамышьҭахь дыиасит аԥсаатә рышҟа. Ажәҩан иаҵалааит,
иҳәеит, аԥсаатә. (Араҟагьы иџьоушьартә иҟоуп ажәа «ԥсы»
ахьалоу). Урҭ дрықәныҳәеит. Шәыҿианы аӡқәа шәырҭазааит,
иҳәеит, аԥсыӡқәа, ажәҩан шәԥыруа шәыҵазааит, иҳәеит,
аԥсаатәқәа.
Даҽазнык ихәлеит, даҽазнык ишеит. Ахәбатәи ашара
ашьҭахьгьы инымҵәеит Анцәа иусқәа.
Ҳазааигәахеит, аԥсуаагьы ҳналаҵаны, шамахаӡак
акәымзар, ажәларқәа зегьы адунеи ишықәнагалаз ҳәа ирҳәо
ахьеиқәшәо. Ауаҩы анцәа дишеит. Абиблиаҿы ишаҳәои,
иаҳҳәап, аԥсуаа ҳҿы ишырҳәои, мамзаргьы даҽа жәларқәак
рҿы ишырҳәои уҳәа, ахьеиқәымшәақәо ыҟоуп. Аха еиқәшәоит
зегьы акаҿы. Анцәа иоуп ауаҩы дызшаз.
Иарбан мшу уи данишаз? Афымш рыҽны. Афбатәи ашара
амш аҽны, асабшаз.
Аԥсуаа рҳәамҭеи Абиблиа иҳанаҳәои анеиҿурԥшлак,
даҽа хәыцрақәакгьы узҵысуеит.
Ауаҩы данишоз аҽноуп ианишаз, аԥстәқәагьы, ашәа­
рахқәагьы, агыгшәыгқәагьы. Мышкала хыԥхьаӡара рымамкәа
аскульптурақәа рацәаны иҟазҵаз аскульптор диеиԥшхазар
ҟалап. Егьа дгьенизаргьы инеишьҭарххны аскульптурақәа
ҟазҵаз иахьеиԥшқәоу ицәырацәамхар ауам. Ауаҩы дани­
шоз аҽны ишеит ақәыџьмақәагьы, убри аҽны ишеит зегьы, аҽадагьы, ажьагьы, алымгьы, аҳәазамазақәагьы.
Ишицәеиԥшцәахаз атәы аԥсуаа рҳәамҭақәа рҿы иҟоуп.
Ауаҩы, иҳәеит, зны длоуп, зны дҳәоуп, зны дқәыџьмоуп, зны
ажьа шәыргәында даҩызоуп. Зегьы ртәык илоуп. Џьоукы иаҳа
имаҷны, даҽа џьоукы ртәы иаҳа ирацәаны. Аԥсуаа рҳәамҭақәа
рҿы ԥсы зхоу рахьтә зегь реиҳа ауаҩы изааигәаны, уимоу,
иара илоу ашьа аҩыза даргьы ирыланы иԥхьаӡоуп аҽи алеи.
Дасу илеи иҽи иара иеиԥшхоит рҳәеит.
Ҳазыхынҳәып ауаҩы ишашьас иҟаиҵаз ҳәа Абиблиа
иҳанаҳәо. Дшаны адәы дықәиҵарц иӡбеит, аха дзеиԥшитәыда?
Ҳара, иҳәеит, уи Анцәа ҳхаҭа дҳаиԥшзааит. Ауаҩы дегьишеит Анцәа, иара, Анцәа ихаҭа диеиԥшны. Дишеит ахаҵа,
дишеит аԥҳәыс. Дрықәныҳәеит иҿиаларц, аӡы иҭоугьы,
адгьылаҿ иҳәазогьы, ажәҩанаҿ иԥыруагьы, иҳаскьынзааит,
ишәаԥыџьаԥзааит, зегьы, ишынеибакәу зегьы аҳас дрымазааит, иҳәеит.
Гәаламыршәашьа амам аԥсуаа рҳәамҭак.
Ауаҩы, иҳәеит, анышәаԥшь далхны дҟаҵаны далгеит
Анцәа. Аџьныш дааҟәымҵӡакәа дахьиԥырхагахаша дашьҭан.
Аԥсы ихеиҵарц азыҳәан, Анцәа днеин ауаҩы, иҳәеит, иҿы
дынҭаҭәҳәеит. Аџьныш аҟыԥҳәа ауаҩы днаидыххылан, ауаҩы
имгәацәа аакылиҵәеит, иӷралан иаауаз Анцәа иԥсы ноуишьҭит,
имаҟҿаҳәаранахыс ҵаҟа имцарц. Убринахыс, иҳәеит, ауаҩы
деимаркуеит Анцәеи Аџьныши. Имаҟҿаҳәаранахыс хыхь
Анцәа итәуп, имаҟҿаҳәаранахыс ҵаҟа – аџьныш. Зны аиааира
аӡәы игоит, даҽазны – даҽаӡәы. Иҟоуп, иҳәеит, иртәу ахәҭақәа
анеиҭнырԥсахлогьы.
Даҽазнык ишеит, даҽазнык ихәлеит. Абас иаанҵәеит
афбатәи ашара, амш, афабша (асабша).
Иԥсы ишьон абжьымш рыҽны. Анышәаԥшь ирххомызт,
анышә иҽомызт, икәаҳауамызт. Шаҟа уи иазааигәоузеи
аԥсуаа абжьбатәи амш иахьӡырҵаз. Амҽыша, амҽара амш.
Иазааигәаӡоуп даҽа ажәакгьы, амшара амш, акгьы анимшоз,
аӡәгьы данимшоз амш, иаармарианы ажәа амҽыша ашҟа ииасыз.
Ауаҩы дахьишаз адагьы, уи изыҳәан иҟаиҵеит даҽа ус
дуӡӡакгьы. Ԥсы зхоугьы ԥсы зхамгьы зегьы аҳас дриҭеит.
Диқәныҳәеит изҳаларц, дыҿиаларц. Раԥхьаӡа иишаз ауаҩы
ихьӡын Адам. Уи иваҵыс далхны дишеит аԥҳәыс, Ева.
Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, Гомер инаиркны, иахьа
уажәраанӡагьы, ашәҟәыҩҩраҿоума, амузыкаҿоума, аҿыхан­
ҵеи аскульптуреи рҿоума, шамахамзар, дыҟам рҿиаҩ дук,
Абиблиа асиужет, иазхьамԥшыц, зырҿиамҭа анырра ҟанамҵац.
Аха, сгәанала, убарҭ зегьы даарылукаауеит Микеланџьело. Уи
иҭыхымҭа дуӡӡа «Сикситатәи акапеллаҿы», Абиблиа ишаҳәо
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2114
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2172
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3334
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2343
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2249
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2187
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2176
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2177
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3377
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2162
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2211
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2207
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2271
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3296
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3311
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2202
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2296
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3408
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3367
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2221
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2156
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2054
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2216
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3333
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2174
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3272
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2076
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3349
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 22
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20