Latin

Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38

Süzlärneñ gomumi sanı 3314
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ражәабжьқәа? Ишәмыхьын, дадраа, ҳара иҳахьыз. Ҳарҭ, адунеи зырхыџхыџуаз аешьцәа, аӡәы иҟаиҵо абзиара егьи аҵәы
нахьишьуа ҳҿанынаҳха, абзиара иҳамаз анҳарбга, ҳаӷацәа
ргәырԥса ҳақәшәеит.
Иҳаиҳәазеи ҳаамҭазтәи апоет-философ? Шәаԥхьа
уи ажәеинраала. Ажурнал «Алашара» актәи аномераҿ иануп. Хыхь исҳәақәаз, сара исызнарҵысыз агәҭахәыцрақәа
ракәӡамкәа, уара даҽа хәыцрақәак узнарҵысыр, даҽаӡәыхдаҽакы, убасҟангьы уи ахықәкы нанагӡеит. Аха сгәанала,
иԥсахымкәа иаанхоит хшыҩҵакык, ухәшҭаара мыцәарц
уҭахызар уныҟәызго улу ԥыххааса имцарц, избалак
ақәԥалалартә иҟаумҵан, уи уара уоуп иззеиӷьу.
«Аԥсны», 1992

АХАРҬӘААРА ИАЗҲӘОУП
Акьыԥхь иануп Омар Беигәаа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху апремиа шианаршьаз атәы зҳәауа аиҳабыра рықәҵара. Ари аԥсуа
жәлар зегьы зеигәырӷьаша ус дууп. Ауаҩы иблақәа руак, мамзаргьы изшьапык имамзар дышуаҩыбжоу еиԥш, аҳәаанхыҵ иҟоу
аԥсуаа рдоуҳатә беиара аламҵакәа, урҭ аҩбагьы еицымлакәа
изхаҭәаахом, еснагь ибжатахоит Аԥсны инхауа аԥсуаа ҳкультура,
ҳашәҟәыҩҩра. Омар Беигәаа апремиа ианашьара иаанагауа урҭ
аҩ-доуҳатә беиарақәа реилаҵаразы амҩақәа официалла иаатит, имариахеит ҳәоуп. Ари аамҭа ҿыц иашьанахеит, иадыргахеит. Арҭ агәырӷьара мшқәа рзы, исгәаласыршәарц сҭахуп
ари амҩахь ааиразы ҳазнысыз ауадаҩрақәа, ҭырқәтәылатәи
ҳарккаҩ ду идҳәалоу гәалашәарақәак, хҭыс хәыҷқәак.

Омар Беигәаа раԥхьаӡа Аԥсныҟа, иабацәа, урҭ рабацәа
шьагәыҭс измаз адгьыл ашҟа дааны дыҟан 1975 шықәсазы.
Абрахь даанӡагьы сара уи иҩымҭақәак срыԥхьахьан.
Иажәеинраала «Ра» иазкны астатиа агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь»
ианысҵахьан. Амшә ашьаԥхыц ала ишудыруа еиԥш, убарҭ
ажәеинраалақәа рылагьы уаҩы ибартә иҟан Омар Беигәа
абаҩхатәра ду шилаз, здырра ҵаулоу, ихаҭа иажәа ҳхы
иархәаны иаҳҳәозар, авулкан иаҩызоу агәаҵәа шизҭоу.
Ҳанеибадыр аҽныҵәҟьа ҳаицәажәеит уск азыҳәан.
Ашьжьымҭан шаанӡа акьыԥхьга машьынка сыманы снеиуан дахьыҩназ асасааирҭа «Абхазиа» аҟны. Иуадаҿы
ҳнеидтәалон. Иҟан ҿырҳәала ианиҳәоз иажәеинраалақәа,
аха бжеиҳан ақьаад аанкыланы даԥхьон. Исыздыруам, изныз
ақьаадқәа уахьыынтәи иааигоу, мамзаргьы сара снеиаанӡа
игәаларшәаны иҩуазу. Сара исиҭар, срыԥхьарц
азыҳәан
исҵар акәхон ихаҭа иаԥшьигаз, иҿыцны ииӡбаз анбан.
Абри анысҳәа, сажәа снаԥыҩлан инацсҵарц сҭахуп. Ҳаҭыр
ду зқәуҵауа, игхагьы мыцхәы игәы иалсуеит. Сара сгәанала,
Омар Беигәаа анбан ҿыц аԥҵара аԥшьимгар акәын. Уи
ҳаԥхьаҟа ԥеиԥш змам усуп, уажәазгьы ԥырхагамзар хәарҭа
бзиа азыҟаҵом. Ҳаиқәшәараангьы ицәымӡакәа иасҳәеит.
Сазыхынҳәып ҳазҿыз аус.
Акьыԥхьга машьынка саԥхьа инасыргылон. Иара иҳәон,
сара искьыԥхьуан. Икьыԥхьны саналгалак, ажәацыԥхьаӡа
акәым нбанцыԥхьаӡа дрыхәаԥшуан, гхак ҟаламашь ҳәа.
Сара сиқәымшәацт даҽа ԥсыуа шәҟәыҩҩык, уи ауаҩ иаҟара
ииҳәаз, ииҩыз уахькьысыр, иурҽеир зымуа. Игәы иаланы
далацәажәеит иҩымҭақәа ажурнал иананырҵоз, иара ишиҳәаз
акәымкәа, еиҭакрақәак, ԥсахрақәак шыҟарҵаз. Саалаган,
иажәеинраалақәа зныз ажурнал изназгеит. Агхақәа ахьамоу,
иахьдырхәанчаз инапала ириашарц сиҳәеит. Жәеинраалақәак
ириашеит, аха зегьыҵәҟьа рыриашара дахьӡаанӡа дхынҳәны
ацара иқәшәеит.
Иажәеинраалақәа раамышьҭахьгьы, ҳаиҿцәажәара­
қәак­гьы машьынкала искьыԥхьит. Иҟаҵатәыз рацәан. Ҳахьы­
рымгӡеит. Аҩыжәрақәа, акыр сааҭ аишәа чысқәа ирхырмыжьуа
акрыфарақәа, баша ацәажәарақәа иргеит аамҭа. Иара данца,
иажәеинраалақәа хазы шәҟәны аҭыжьразы еиқәсыршәеит.
Усҟан ахшыҩ, ажәа агәҭыхаҳәара палачс ирзыҟан ацензура.
Аԥсны аобком актәи амаӡаныҟәгаҩыс аус иуан В. Хынҭәба. Уи
дҟарҵеижьҭеи уамак ҵуамызт. Аԥсуаа ргәы дақәшәаны дыҟан.
Ихыҽхәауа, инеимырҟьо иалацәажәон аконференциаҿы
иҟаиҵаз ажәахә, ииҳәаз ажәа. Изхысҳәаауаз, дшадгыло агәра
ганы, убри ихьӡала ашәҟәы зҩит Омар Беигәаа ишәҟәы
аҭыжьразы. Егьиашаҵәҟьаны дахаҵгылеит. Дсыԥхьеит.
Ҳаицәажәеит. Иамугәышьеит. Актәи амаӡаныҟәгаҩгьы имч
амырхеит ацензура. Ашәҟәы ҳазҭмыжьит.
Аамҭақәак набжьысит. Ацензура иаҳа иԥсыҽхазшәа
иҟалеит. Уаанӡа кьыԥхьшьа змамыз ҩымҭақәакгьы ицәырҵааҵәырҵқәеит. Аобком актәи амаӡаныҟәгаҩыс аус иуан Борис
Адлеиба. Уи ахаҵара злаз уаҩын. Ари аус аҿы сзықәгәыӷуаз
сҩызцәа ишыҟасҵаша снарацәажәан, еиҭах ашәҟәы зҩит
аобком ахь Омар Беигәаа ишәҟәы аҭыжьразы. Еиҭах акгьы
алымҵит. Асовет цензура ҳзымхошәа, аԥсуаа ҳзыҳәан иацланы иҟан даҽа цензуракгьы. Уи – шәҟәы быӷьшәы ианымыз,
Қарҭынтәи иаауаз цензуран. Ара иҟоу аԥсуаа ҳашәыҟәқәа
анҭыҵлак зыблақәа ашьа хылоз «ҳашьцәақәак», ҳәарада, рхы
еиланагеит ҭырқәтәылатәи аԥсуа шәҟәыҩҩы ишәҟәы аҭыжьра
рҭахуп ҳәа анраҳа. Аԥсны апартиа аусзуҩцәақәак усгьы урҭ
ирмазҵаакәа, ашәҟәы ҭрыжь акәым, шәыпату схы иқәуп,
ӡкаҭәараҵәҟьа ицомызт.

Омар Беигәаа ишәҟәы аҭыжьра сшашьҭаз, «аҟаԥшьқәа»
даҽакгьы салыхәдартәит, даҽаџьарагьы сымҩа ркит.
Ҭырқәтәылеи ҳареи ҳҳәаа иаҳа идырӷәӷәеит. Ацара-аара ахьыуадаҩхаз ухы иқәукрын, ашәыҟәқәа ҳабжьысра
иаҟәырымхызҭгьы. Сара изыҩуаз асалам шәыҟәқәа иззы­
сышьҭуазгьы ироуамызт, шьҭахьҟагьы ихынҳәны иаауамызт.
Раԥхьаӡа салам шәҟәыла еибадыруаз ашьҭахь Аԥсныҟа
иааны иҟаз Маҳинур Папԥҳа лоума, ажәлар рҳәамҭақәак
нанҵаны, хшыҩла иҭәны асалам шәыҟәқәа сзаазышьҭлоз
Орҳан Ашамба иоума, исалам шәыҟәқәа рыла исҳәозар, амца
зыӷраз, иқәра иааноумшьартә иҟәыӷоу Ардашьын Абганба иоума, ныҳәак исзаҩызаха зышәҟәқәа соуаз зегьы ааҿахҵәеит.
Сара, асовет уаҩы, схәыҷаахыс азакәандара, ауаҩы акапеи
кылҵәа аҟара пату иқәымҵара, изинқәа рыӷрагылара, иуаҩра
акәаҳара уҳәа ирышьцылахьаз сзыҳәан иҟалаз исыхьыз
рзымдырит ҭырқәтәылатәи сҩызцәа. Ашәҟәы заҳзимыҩуазеи
ҳәа иаарыцҳауан. Исыцҳагәышьеит даргьы ашәыҟәқәа рыҩра
иаҟәыҵырц, ацензура ишырмышьҭуа, акгьы шысмоуа. Абас
аамҭала иҿахҵәеит Омар Беигәааи сареи шәҟәы-быӷьшәыла
ҳаицәажәара. Иҩымҭақәа хазы шәыҟәны рҭыжьра акәым,
апериодикатә кьыԥхь аҟынгьы ранҵара алымшо иҟалеит.
Амаҵура дуқәа ирхагылаз аԥсуаа, сгәы ахьыԥжәоз сырзаӷьуан
акәымзар, акгьы шрылымшоз еилкаан.
Ишырҳәо еиԥш, ҳазшаз имчала, аамҭа аҽеиҭанакит. Зегьрыла иааҳәит. Сара сеиԥш Омар Беигәаа иажәеинраалақәа
змақәаз иаарымылхын, аредакторра азуны ишәҟәы ҭлыжьит
Нелли Ҭарԥҳа. Уи аус бзиа, аус ду ҟалҵеит. Ашәҟәы аԥсуа поезиа азыҳәан илагала духеит. Алитературатә уаажәларрагьы
гәахәарала ирыдыркылеит. Ашәҟәаҿы иагәылоуп имаҷымкәа
иара сидтәаланы, ишысҳәаз еиԥш, машьынкала искьыԥхьыз
ажәеинраалақәеи ианысҵаз иҿцәажәареи. Зҭыҵра сеигәыр­
ӷьаз ашәҟәы азыҳәан уаҳа бзиарас иҟасҵара анысзымдыр,
ашәҟәҭыжьырҭаҿы ирасҳәеит сџьабаа ахә сырымҭарц, мап
шацәыскуа, ма аҭыжьра ирнаҭаз ахарџьқәа рхарҭәааразы
рхы иадырхәарц, мамзаргьы автор ирҭо агонорар иахыр­
ԥхьаӡаларц. Аха аусқәа ус иҟамлеит. Иҟалеит Аԥсны инхо
аԥсуаа ҳзыҳәан ицәаԥҽыгоу, ирԥхашьагоу уск. Ашәҟәы аԥсоуп
50 капеи. Аҭира иалагеит 10 мааҭк ҳәа. Азҩа зӡаз иан даге542

ит зиҳәаз, амедицинатә чымазара азыҳәан мацара акәӡам.
Аҽыхәшәтәра анаҭаху ҟалоит аламысгьы. Ҭырқәтәылан инхо
аԥсуа поет ишәҟәы ахә иацҵаны иҭины, аԥара арҳара, Аԥсны
инхо аԥсуаа ҳзыҳәан ихьымӡӷуп, сгәанала. Ианҭыҵуа аԥара
изызкызаалакгьы. Ҳахьымӡӷ ҳхыхшьас иамоу, сгәанала акы
заҵәыкоуп – иаҭаху аԥара автор иҭатәуп.
Уажәы изысҳәозеи абарҭқәа? Омар Беигәаа аҳәынҭ­
қарратә премиа ианашьара иаҵанакуа рацәоуп. Аԥсны инхо
аԥсуаа уи иџьабаа пату ақәаҳҵеит. Иҭабуп ҳәа иаҳҳәеит. Аха
апремиа иҟанаҵоит даҽа ус дукгьы. Иҩымҭақәа рҭыжьразы
рышә иаҳа иаанартуеит, иармариоит. Ихаҭа Аԥсныҟа иаагара аус аҿы ицхыраагӡа духоит. Аха сара сацәшәоит, хыхь
исҳәаз еиԥш иҟоу, иҳаҭәам, ҳазмырԥшӡауа даҽакы ҳахьыр
ҳәа. Омар Беигәаа ара даныҟаз лахь рырҭар, рмаҵурақәа
рҿы ирԥырхагахар ҳәа ишәаны иааигәара имнеиуаз уажәы
ҽыхьшьырҭас дҟазҵаз, ихьӡ иалахәаахәҭны, даҽа шәытак
ҳнырҵар ҟалоит. Ҳхазыҳәан акы ицраҳԥаандаз ҳәа ихәыцуа
ауаа дырцәыхьчатәуп. Ауаажәларратә еилазаароума, форумума, партиақәоума акыр ҳамазар, ҳаԥсуа патриотцәоуп ҳәа
зхы иазызҳәо зегьы неилаҵаны, раԥхьа иргыланы, иҟарҵаша
акоуп Омар Беигәааи Аԥсны инхо аԥсуааи еибардыртәуп,
инаукатә усумҭақәеи ипоезиатә рҿиамҭақәеи рҭыжьрала.
«Аԥсны», 1992

АИҚӘЫРХАҨ
Аџьынџьтәылатә еибашьра анцо, Ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа
афырхаҵарақәа анаадырԥшуа, џьоукы анҭахо, даҽа џьоукы
ахәрақәа ироуқәаз ирыхҟьаны иаабжамҽамны ианаанхо аамҭазы, араҟа иаазго ахҭыс алацәажәара иаԥсамызт,
иалукаартә иҟам згәахәуагьы ҟалашт. Аха дарбану, аӡәызаҵәык
идамхаргьы изҳәо ауаҩԥсы деиқәзырхаз ихаҵара аӷа
бџьаршьҭыхрала иабашьра аҵкыс еиҵоуп ҳәа. Уи сҳәаргьы,
абџьарла аибашьрагьы зыӡбахә сымоу Гәырам Чакветаӡе,
зыҽны аибашьра иалагаз инаркны раԥхьа игылақәоу дрылагылоуп. Сызлацәажәо уи афырхаҵара ааирԥшит Очамчыра
араион Џьгьарда ақыҭан, декабр 3 рзы.
Ари аҽны иӡбаны иҟан аӷа импыҵахалаз ақыҭақәа
рҟнытә ахәыҷқәа Тҟәарчалҟа иргарц. Еиҳарак изыцәшәоз
амҩа акәын. Аха ашәарҭа рзыԥшызаарын иара убраҟа,
Џьгьарда ақыҭан. Гәырам аидарамҩангага машьына ду
ҩынҩажәаҩык инареиҳаны ахәыҷқәа нақәиртәеит. Акыр
еилыркаартә иҩеидасхьаз ахәыҷқәагьы, изыхшазгьы Гәырам
ианихәаԥшлакгьы иԥшра, исахьа мацаралагьы агәымшәара
рнаҭон.
Амашьына хҩамызт. Амҩа дықәланы, Џьгьарда ашҭа
днықәымҵыцкәа, иаархалеит аԥсцәаҳа Аԥсны данақәлоз Б.
Ельцин Е. Шеварднаӡе ииҭаз аибашьыга вертолиот. Ирылахысит. Ажәлар еимпит. Џьоукы рыҽкарыжьит, даҽа џьоукы абнара
иасит, машьынақәак ирҭатәазгьы рмашьынақәа кажьны иҩит…
Афашист-аԥырҩы, ақәыџьма асарақәа адәы иахьықәыз абар
еиԥш, ахәыҷқәа амашьына ишақәтәаз аниба дгәырӷьеит. Амашьына аснариадқәа агәыдҵара далагеит. Гәырам дыҭрысны
ԥхьаҟа ддәықәлеит. Иаԥхьаҟа итҟәацит. Ишьҭахьҟа деихеит,
уахьгьы аихсра далагеит. Ашҭа дықәиргьежьаауан. Авертолиот
зны ҭыԥк аҿы аҽкнаҳаны ихысуан, амашьына аҿанынахалак,
уахь дашьҭалон. Авертолиот арԥырҩы, ҳәарада, идыруан
абџьар араҟа ишрымамыз.
Иааҟәымҵӡакәа амашьына еихсуан авертолиот. Асабицәа
еибарҳәҳәон. Гәырам уаҳа хыхьчарҭа анизымԥшаа, деихеит абнарахь. Убри аамҭазы хыхьла ирышьҭаз авертолиот
иааҭнарҟьаз аснариад амашьына ашьҭахьтәи ахәҭа иаахеит, иамнажәеит. Разҟыла ахәыҷқәа аӡәгьы имаахеит. Гәырам
дахьӡеит амашьына абнарахь аҵәахра. Авертолиот акраамҭа
ихагьежьаауан, даҽа ҩынтәҟагьы абнара дылахысит.
Ианҭынчраха, амшгьы ахәларахь инаскьоны, авертолиот аӷзыбжь ааиқәтәеит. Аԥсра иацәынирхаз ҩынҩажәаҩык
инареиҳаны ахәыҷқәа иманы аҵх иҽалак Тҟәарчалҟа игеит
Гәырам.
–Ҳхәыҷқәа иԥсы рхоуп уи ауа. Иԥсынҵры духааит, –
лҳәеит, зхәыҷқәа ҩыџьа убри амашьына иақәтәаз тамшьтәи
анхаҩ ԥҳәыс.
Џьгьарда, 1992
«Бзыԥ», 1993

ШЬАЛА ИҾЫХУ
Каман. Агәырӷьареи агәырҩеи еилаӡҩеит адгьылаҿ.
Агәырӷьара – афашистцәа иахьрымпыҵжәахаз Аԥсны даҽа
ҿаҵак. Агәырҩа – зыдлаԥса аԥсҭазаара ҵхы лашьцахо, Аԥсны
аҵеицәа аӡәымкәа ҩыџьамкәа рҭахара.
Ацәгьеи абзиеи адгьылаҿ ишеилаӡҩаз адыруашәа, зны
илахҿыхӡа, икеикеиуа аҽаанартуеит ажәҩан, аха, нас, ашәы
рхьыссы, ԥҭақәак наҵагәеит. Урҭ аҩбагьы ирацлабуеит аибашьра ахаҭагьы. Аӡиаси ҵарақәаки раамышьҭахь шьҭыбжьы
умаҳауа, зны иааҭынчрахоит, нас абзарбзанқәа ахькаҳауа
убас иԥжәоит, иааӷызы-ӷызуеит ашьхақәа.
Иқәыццышәаа иблу,ихыбла-ҿыблаауаҩнқәа,ихыжәжәаны
икажьу афымца лашара абаҟақәа, ҳазшаз ираҭәашьаны, аиааира згаз ҳабашьыҩцәа ргәырӷьа-ччабжьқәа, ишынеибакәу
зегьы снарыҟәганы, акыр мши-ҵхи имыцәац ауаҩы ацәа аниааиуа еиԥш, сыбла иабозгьы, слымҳақәа ираҳауазгьы, зегьы
насхаршҭны, хәыцрак, гәалашәарак сама ицеит…
Ажәытәи аҿатәи реиҿырԥшра, иацтәи амш, ишахылҵыз
иахьатәи…
…Абиблиа. Ашәҟәы ԥшьа, усоуп ишану: Анцәа раԥхьаӡа
анышәаԥшь далхны дишеит ахаҵа. Нас убри иваҵыс далхны
дишеит аԥҳәыс. Ахаҵа ихьӡын Адам. Аԥҳәыс – Ева.
Аԥсуа мифологиаҿы ирыхьӡу ала иуҳәозар, Дади Нани.
Рыԥсҭазара убраҟа имҩасларц, нхарҭас-нҵырҭас урҭ ири­
ҭеит џьанаҭ баҳча, зегьрыла Каман еиԥшыз. Мап, сыгәра жәга,
милаҭтә цәаныррам ари сзырҳәаз. Џьанаҭ баҳча зеиԥшраз
ҳәа Абиблиа ишануи, Каман зеиԥшроуи неиҿурԥшыр, Абиб­
лиа зҩыз длеиҩеиуа, ибла иабоз, илымҳа иаҳауаз нанҵо, Каман дҭан уҳәоит.
Абри аҩыза џьанаҭ баҳча иҭаз Нани Дади изшаз иҳәатәы
иахыԥеит. Агәнаҳа ҟарҵеит. Агьама шәымбан ҳәа ззиҳәаз аҵәа
ааҿылхын, ларгьы илфеит, Дадгьы иҿалҵеит Нан. Сҳәатәы
иахыԥаз араҟа ишәҭыԥым иҳәан, џьанаҭ баҳча иҭицеит Анцәа.
Урҭқәа зегьы бзиоуп, аха ишьаарҵәыроу иахьатәи ҳаамҭа
изладҳәалоузеи арҭ угәҭахәыцрақәа, изҵаара саҳауеит
аԥхьаҩ. Еидҳәалоуп урҭ, еидҳәалоуп, аҵла амахәҭақәеи аԥашә­
қәеи шеидҳәалоу еиԥш. Ирыдҳәалоуп ампыҵахалаҩцәа.
Иҳадҳәалоуп ҳарҭ, џьанаҭ баҳча раԥхьа изиҭаз аԥсуаагьы.
Апалачцәа Сталини Бериеи рхаан Аԥсны изакә мчымхараз изҭагылаз ҳалацәажәарым. Мчымхара – кәашароуп
рҳәон ажәытәуаа. Аха апалачцәа анықәӡаа ашьҭахь, џьанаҭ
баҳча агәашәқәа раркра ацымхәрас, уаанӡа мчыла иҭалахьаз
азымхозшәа, шәааи, ҳашьцәа шәоуп ҳәа, ҳбаҳча агәашәқәа
иаҳагьы ирзааҳартит аџьнышқәа.
Ажра зжуа иԥа дҭаҳауеит, иҳәеит. Агәнаҳара ҟазҵо
ихьӡоит, ихаҭа ихьымӡаргьы, имаҭа ихьӡоит, иҳәеит. Џьанаҭ
баҳча (Каман) ихьчарц иалагоз, дкыдҵаны дыршьуан, аҳәынҭқарра дуӡӡа зегьы аџьнышқәа анахагылаз, аха
урҭ анықәӡаа инаркны, џьанаҭ баҳча агәашә наиркырц,
аԥсымцқьақәа уаҳа арахь ирааирҭам зҳәоз, дмаҵурауаҩзар,
дзықәшәоз акы заҵәык акәын – имаҵура дамырхуан. Аԥсны
дҟамлеит аԥшәыма заҵәыкгьы, убри агәашә аркра змаҵура
нахҭнызҵаз. Уимоу, шәанаџьалбеит, ҳшыхдырҵәо шәымбаӡои,
аԥшәмацәа ҳсасцәахеит, асасцәа аԥшәымацәахеит, ҳбаҳча
дырхәымгеит, уаҳа иаашәмышьҭын зҳәоз, рыԥсы ахьынӡаҭоу
рыбӷа рзеиҵымхуа, аҟамчы рхырҟьон. Уи ҳҳәаргьы, аӡәык
ҩыџьак ракәӡам ари агәнаҳа зду. Иахьатәи абацәа, иахьатәи
анацәа, абдуцәа, андуцәа, ҳазегьы иҳадуп уи агәнаҳа, ҳазегьы
иаҳхароуп.
Иахьа, уаҳа изымчҳауа даннеи, ҿиҭит ҳазшаз. Џьанаҭ
баҳча ишәысҭаз, пату зқәышәымҵаз, аџьныш иаашәырхәаз,
шәҵеицәа иреиӷьқәоу ршьацқьа нахҭынҵаны, иҿышәх, дадраа, мап анакәха, џьанаҭ баҳча мацара акәым, уаҳа адгьыл
шәбараны шәыҟыӡам, уаҳа ажәҩан аҵарԥшра шәаҭәахом.
Раԥхьатәи абжьы ҳазкын ҳарҭ, раԥхьа изиҭаз уи абаҳча,
Каман, Анцәа ихаҭа итәарҭа. Ашьҭахьтәи ибжьы рызкын
егьырҭ, џьнышрала агәашә аартны иҭалоз. Ари аҭыԥ шәарҭ,
аԥсымцқьақәа ишәаҭәам. Наҟ шәыҭцатәуп. Ршьа ахҭынҵаны
иҿырхроуп, раԥхьа изысҭаз ироуроуп.
Ажәытәреи иахьатәи аамҭеи неилаӡҩо, гәалашәарахәыцрақәак сышрылаз, исызгәамҭаӡакәа Аӡыԥшьаҿы снеит.
Агәра мгашьас иҟауҵарызеи абри аӡыхьоуп Нани Дади ирзишаз ҳәа. Иӡныз, иԥхныз, амра каԥхоз, ақәаршҩы леиуаз, иацлом, иагхом, иаҳа ихьшәашәахом, иаҳа иҟәандахом уи аӡыхь,
амра ишазымбылуа еиԥш, ақәа ишазымыӡәӡәо еиԥш, абан,
абни ахаҳә иахьшьу Есҭи Қрисҭе иҩызцәа руаӡәк ишьа.
Сызлаз ахәыцрақәагьы, адгьылаҿ сыбла иабозгьы, схы
нарцәызгарц, ажәҩан ашҟа схы санааҩаха, қәаб дук иаҟараха,
имца кәымпылха Каман аныхабаа иҩахыкны, ажәҩанаҿ
акы аалашеит. Иҟалаз уиоуп, аныхабааи ари Аӡыхь ԥшьеи
иҩархык, аԥсцәаҳа иҩызаха, афашистцәа рҳаирплан анаахыла, абомбақәа ркажьра иахьымыгӡакәа, џьанаҭ баҳча
ахьчаҩцәа дара ртәы ҟарҵеит, ҳазшазгьы ирманшәалеит:
агәаҵәахы иҭашәеит еиҟәызжәашаз.
Егьаалашеит, блеихаҟәысрак иалагӡаны, итҟәацит зкажьра иахьӡаз абомба. Афашист ицәгьара ҟаиҵеит – џьанаҭ баҳча
абомба ҭаижьит. Џьанаҭ баҳча аџьныш дҭызцозгьы дара ртәы
ҟарҵеит – ажәҩанаҿ дшыҟаз еиҟәыржәеит иҳаирплан СУ-25.
Агәахы ҵысит адгьыл – убас итҟәацит, иазкамыжьцкәа иаанханы иақәыз абомбақәагьы иара, аҳаирплан ахаҭагьы.
Иаагәынқьит, иӷызы-ӷызит ашьхақәа. Аидара ирықәҳаз
рцәыхьанҭахан, иаазазамазеит аҵлақәа, ауааԥсыра ҳаиԥш,
адгьыл рыҽнадырҵеит аҳаскьынқәа.
Аҵх агәы инахысхьан Афон ҳанылбаауаз. Анаҟа-араҟа
икаҳауан итҟәацуан Аҟәантәи иаарышьҭуаз артҟәацгақәа.
Ақырҭуа қьырсианцәа ихҭакӡаны ари ауха аихсра иаҿын адунеи аҿы еицырдыруа Афонтәи ақьырсиантә ныхабаа.
Анаҟа-араҟа аҿҿаҳәа абылра иаҿын амца зкыз аҩнқәа.
Зыхшыҩ иахыҵыз ауаатәыҩса иахыччозшәа, илацәҟәышьацәҟәуан ажәҩан иаҵаҵәахыз аеҵәақәа.
– Сашьа, уҽырӷәӷәа, сашьа ухаҵами, уажәыҵәҟьа ҳнеиуеит
ахәшәтәырҭаҿы, иаачҳа, уаҳәшьа дукәхшоуп, –амашьына лыбжьы ҭыҩуеит амедицинатә еиҳәшьа, аԥҳәызба қәыԥш.
Лаԥхьа игылоу асакаса дыхәны дануп ахаҵарԥыс. Ихьӡ
лыздыруам, ижәла лыздыруам. Аха уи илдыруеит ҳарҭ зегьы
еилаҳкааша: џьанаҭ баҳча зырхәамгаз рыҭцаразы, раԥхьа
изиҭаз иҳаурц азы, уи ахаҵарԥыс, доуҳала илашоу, ҳазегьы
иҳашьоу иахҭниҵеит иреиҳаӡоу ахә – иахҭниҵеит ишьа.
Зыԥсы ҭаны адәы иқәу иахьа, иины адунеи иқәнагалараны
иҟоу уаҵәы, ҳаԥсахааит уи иахҭынҵоу.
Каман, 1993
«Бзыԥ», 1993

АԤСҬАЗААРА ЗЕГЬЫ ИРЫЦКУП
Мызкы инареиҳаны иҵит аибашьра аанкылоуижьҭеи.
Ҵаны, ҳара иҳазҳәом ари аамҭазы хысыбжь мгаӡеит, аӡәгьы
дҭамхаӡеит ҳәа. Ажәылара дуқәаҵәҟьа изымгәаӷьызаргьы,
абзарбзанқәа рыла дхысуан, аминаршәгақәа ихы иаирхәон
аӷа, еиҳарак Мрагыларатәи афронт аҿы. Ала млашь аԥышә анхыблаалак, аҵыхәа ашьҭарҽыла, ахаԥыцқәа хырџьаџьа, ахыухыу ишуеит, имақаруеит, аха ибзианы иадыруеит иара иатәым
афатә еиҭах ианымҵанарс, иҵегьы еиҳаны аԥышә шхыблаауа. Абас иҽықҿарӷәӷәаны аӷа ашра дахьаҿыз Мрагыларатәи
афронт аҟны мацара акәмызт. Ибӷа шыԥҵәаз, дшаҵахаз
агәра изымгазар акәхап, знык, ҩынтә раҟара днажәылақәеит
Шроматәи ахырхарҭаҿы.
Аԥсны бџьарымцала еиҿагылоуп ҩ-мчык: аимпериализми ахақәиҭреи. Абџьарымца аҟнынӡа макьана имнеиц, аха
ажәала аибашьра иаҿуп Урыстәылангьы ҩмчык. Урыстәыла
ҳәынҭқарра дуны, иҭбааны, иӷәӷәаны иҟазарц зҭахуи,
Урыстәыла амч армаҷра, аҳәаақәа рырхәыҷра, аилажьра
иашьҭоу амчқәеи. Абарҭ аҩмчык ринтересқәа еиҿаҳаит Аԥсны.
Иҳақәлаз аӷа ицхрааит Урыстәыла аилажьра иашьҭаз амчқәа.
Иҳадгылеит, иҳацхрааит Урыстәыла ҳәынҭқарра ӷәӷәаны
иҟазарц иазықәԥо.
Апресс-конференциа
аҟаҵара
илымшо,
ибжьы
ихәлашәаны, Урыстәыла апрезидент иҟынтә даадәылҵит
Қырҭтәыла анапхгаҩы. Иҟалазеи, ихьзеи? Еимаркызеи? Абџьар
суҭар уахыки ҽнаки рыла Аԥсны схәаҽуеит, Қырҭтәылагьы
аҿы аасырҳәуеит Урыстәылаҟа уҳәан, шаҟа уҭахыз танки ҳаирплани, џьаԥҳани усҭеит, уара уахыки ҽнаки ракәым,
шықәсык ҵит уеибашьуеижьҭеи, уаҵаханы уалгеит, аԥсуаа
рықәхра ацынхәрас, ухаҭа уԥсы аиқәырхара сықәшәеит
иҳәеит, хымԥада, раԥхьа ицхрааз. Абгахәыҷы хырқьиарала
егьа дҵыхәаршәшәазаргьы, башахеит. Изыбзоурада убри зегьы? Ма ҳаԥсыроуп, мап анакәха, ҳаԥсадгьыл еиқәҳархароуп
ҳәа игылаз аԥсуаа. Аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл аиқәырхаразы,
ус анакәха, милаҭк аҳасабала, жәларык аҳасабала рхы
аиқәырхаразы, Анцәа ираҭәеишьеит: ахшыҩи агәамчи.
Ихшыҩ дуун, абарҭ роуп бзиа ижәбалаша ҳәа
акоммунистцәа мчыла иҳадыргалоз мрагыларатәи ҳгәылацәа
ракәымкәа, аԥсуаа рҭынхацәаҵәҟьа, рашьцәа зусҭцәоу еснагь
иахьырдыруаз, ашәарҭа аныҟала, ҳашьцәа шәара шәыда ҳара
ԥсыхәас иҳамоузеи ахьырҳәаз. Ҳара ҳашьцәа ахьыҟоу абрахьоуп ҳәа дааҟәымҵӡакәа Нхыҵҟа ҳирԥшуан Дырмит Гәлиа.
Абраҟа иааԥшит аԥсуа жәлар раԥхьатәи рҟәыӷара ду. Аҩбатәи
ҟәыӷара дуун, ҳәарада, аԥсуаа рҽахьрымардаз Урыстәыла
ҳәынҭқарра ӷәӷәаны, ҳәынҭқарра дуны аиқәырхара иазықәԥо
амчқәа. Ҳара ҳазламаҷу ала, Аԥсны ахьыҟоу адгьыл ҭыԥи,
насгьы иара ԥсабарала изеиԥшроуи рыла, еиҳараӡак
изакә ггәылацәоу иҳамоуи рыла, уажәазы, сгәанала, Аԥсны
уаҳа хыхьчагашьа, хеиқәырхашьа амаӡам. Уеизгьы-уеизгьы аҳәынҭқарра ӷәӷәа – Урыстәыла ахылаԥшуазароуп.
Абзиаҵәҟьа убар изумдыруазеи! Аԥсны аҵкыс уааԥсыралагьы,
дгьыллагьы, лшаралагьы акырӡа еиҵоу, ихьыԥшым, хазы
иҟоу аҳәынҭқаррақәа рацәоуп. Ҳара ҳлахьынҵа усеиԥш
анымызт. Аха ҳажәлар рҟәыӷара зладуу ала, издыруада,
абасеиԥш иҟоу ҳәынҭқарраны Аԥсны ҟаларц азыҳәан иаҭаху
аҟәыӷара аадырԥшыргьы. Излазбо ала, аццакра ҳмыхьыр,
ҳаҩнуҵҟа ҳзеидгылар, аибашьра шеилгара ианеилгалак,
Аԥсны иаиуеит аҭоурыхтә шанс – ихьыԥшым, идемократиатәу
ҳәынҭқарраны аҟаларазы. Уи, ҳәарада, иреиҳау гәҭыхоуп.
Уажәазы иреиҳаз ҟәыӷаран, ишысҳәаз еиԥш, аурыс патриоттә
мчқәа ҳҽахьрымаҳдаз. Убарҭ амчқәа роуп Урыстәыла апрезидент Аԥсны аиҳабы хазы иҟоу ҳәынҭқаррак анапхгаҩы
иеиԥшҵәҟьа дидикыло, диацәажәо дҟазҵаз. Убарҭ амчқәа
роуп анацистцәа Аԥсны рықәцараҿы иҳацхрааз.
Аԥсуа жәлар зықәшәаз, ишақәшәаз, дара рҭагылазаашьа
зеиԥшраз ирықәлаз аӷа дызусҭаз, дшеибыҭаз, иаашьахаз
уҳәа аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ду иахьынӡахәҭоу зегьрыла иҭҵааны, адунеи иадыруа иҟаҵахар, рыгәра згоит
ахьыԥшымразы, ахақәиҭразы иқәԥауа ажәларқәа ааины,
аԥсуаа рԥышәа, рфырхаҵара рҿырҵаауа ишыҟало. Сара
исыздыруам аҭоурыхаҿы иҟалахьаны абасҟак хыԥхьаӡарала
еиҵаз, абасҟак абџьарла еибыҭамыз жәларык миллионла
дара раҵкыс еиҳаз, бџьарла еибыҭаз ирҿагылахьаны, иааныркылахьаны, ашьҭахь егьриааихьаны. Аҭоурыхаҿ ари
аҩыза ҟамлацызт, убри азыҳәаноуп аԥсуаа ҳаҩнуҵҟа аӡәык
ҩыџьак инаԥшуаз аӡәырҩы изырҳәақәоз иҟашәҵо закәызеи,
шәзеибашьуа зусҭцәада, шәықәырхуеит ҳәа. Ҳаҩнуҵҟа
аԥсахыҩцәа зыҟалазеи убри азакәхап.
Ҳазыхынҳәып еиқәышаҳаҭрала аибашьра анаанкылаха инаркны реиҳа ҳзыргәаҟуа азҵаара. Қырҭтәыла ҳшалац
ҳаанхозар, ҳаибашьра башахама, баша иҭахама ҳаибашьҩцәа,
баша иблума асҟатәи қыҭа, баша ихҵәама асҟаҩык? Иаразнак иҳәатәуп ҳара Қырҭтәыла ҳаланы аанхашьа шҳамам.
Асҟак анаҳзырмуцызҭгьы аԥсуаа иреиӷьыз рҵеицәа рҿала
изныкымкәа ирҳәахьан Қырҭтәыла иалымҵыр ада ԥсыхәа
шыҟам.Аԥсны ԥхьаҟатәи алахьынҵа ӡбахароуп Аԥсны иқәынхо
аиҳараҩык ишырҳәо инақәыршәаны. Рҭак ҟаҵатәхозар
акәхап, сгәанала, х-зҵаарак: ирҭаху ирҭахыму Қырҭтәыла
иаланы аанхара, ирҭаху ирҭахыму Урыстәылатәи Афедерациа иаланы аҟазаара, ирҭаху ирҭахыму Аԥсны ихьыԥшым
идемократиатәу хазы ҳәынҭқарраны ашьақәгылара. Изҳәо
дҟалашт, Қырҭтәыла ас иҟаларым, афашизм ахыӡаап, ақырқәа
иаҳзааигәоу милаҭқәоуп, урҭ иаҳа иаҳзеиӷьуп ҳәа. Аҭак
ҟаҵатәуп фактла. Егьа аполитика аҽаԥсахыргьы, адемократиа шәҭыкакаҷуеит ҳәа азаҳҳәаргьы, сара агәра сызгом
Қырҭтәыла Аԥсны ашҟа иамоу ахықәкы аԥсахып ҳәа.
Иамуӡозар Урыстәыла ҳалазааит ҳәа заҳҳәахьаз иахьагьы
изаҳҳәо, ҩ-цәгьак рахьтә иаҳа хар змамшәа иҟоу акы алаҳхуан
азыҳәаноуп. Иарбан тәылазаалак, иарбан милаҭзаалак
ахьыԥшымра ахатәы ҳәынҭқарра ашьақәыргылара азхәыцра
ианаҟәыҵ, атәра ианышәеит, ақәӡаара амҩа ианылеит ҳәа ауп
иаанаго.
Иахьатәи амш иадкыланы иаҳҳәозар: иҭахаз ҭахеит,
иаанхаз аԥсуаа аԥсҭазаара рымазарц, Аԥсны рыԥсҭазаара
нахҭынҵаны еибашьыз ракәмызҭгьы, ҳақәхны иҳалгон.
Аԥсны аԥсуа думбо иҟалон. Ҿыӷәӷәала адунеи зегьы иаҳартә
иаҳҳәар ҳалшоит, аԥсуаа аиааира дуӡӡа ҳгеит ҳәа. Аԥсуа
жәлар рыхгьы еиқәдырхеит, рыԥсадгьылгьы еиқәдырхеит.
Абарҭ аҩба роуп реиҳа ихадоу иҭахаз зҭахаз, иуаабжахаз
зеибашьуаз, ихҵәаз зыхҵәаз, Аԥсны иацхраауаз зацхрааз.
Исҳәаз иаанагом ҳаиааины ҳалгеит, ҭынчрахеит ҳәа. Асарҭра
аандақәа ааҳарӷәӷәеит, аха ақәыџьмақәа цхлымуа асарҭра
адәахьы мацара акәым, макьана аҩнуҵҟагьы иҭагылоуп. Ҳарҭ,
аԥсуаа иаарласны ҳгәы хьаԥссоит, иаарласны ҳахьшәашәоит,
арыцҳашьарахь, анышәарахь ҳаиасуеит, иацы ҳшьа зжәуаз
ақәыџьма иахьа ибгахәыҷха ианааҵыхәаршәшәа, ахы
ааҳшьшьуеит. Иара шқәыџьмац иаанхоит, уаҵәы еиҭа иҳац­
ҳауеит. Афашизми анацизми рымахәҭақәа кауҿеит, иурҟәыдит
ҳәа акгьы иухәом. Урҭ рԥашә ыҵхтәуп.
«Бзыԥ», 1993

ҲАЗЗЫԤШУ РАЦӘОУП
– Џьума Басариан-иԥа, ишудыруа, уажәааигәа имҩаԥысит
Аԥсуа-абаза Аҩбатәи рконгресс. Уара уи аделегатс уҟан.
Иаҳҭахуп угәаанагарақәа ҳауҳәарц.
– Иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы, иааира дула аибашьра еилгазар аахыс, ари еиҳау хҭыс ҟамлац, – дцәажәоит
Џьума Аҳәба. – Ҳаԥсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла, милаҭҵас
ҳаҟазаареи ҳаҟамзаареи ҳәа азҵаара анықәгыла, аԥсуаа зегьы ҭаҷкәымкны ҳаилаҵәеит. Аҭаацәарагьы шарамшак дрылиааиуеит. Зыԥсадгьыл зыхәшьадыз, змилаҭ зыԥсахыз аӡәык
ҩыџьак ҟалазаргьы, ҳара ҿыӷәӷәала аҳәара ҳалшоит адунеи зегьы иаҳардырит ҳәа аԥсуаа ҳаԥсадгьыл ҳхы ақәҵара
ҳшазыхиоу. Иҵегьы иаанарԥшызеи аибашьра? Иаанарԥшит
аԥсуаа ҳахьыҟазаалак ҳаибабара, ҳаидгылара, ҳаицгәырӷьара,
ҳаицгәырҩара иаҳа-иаҳа ишакхо. Абарҭқәа роуп изыхьӡу
амилаҭтә хдырра. Аибашьра иаанарԥшит даҽакгьы: дарбану
иҳаӷоу, дарбану иаҳҭынхоу. Абарҭ ахәыцрақәа узцәырнамгар
ауамызт аконгресс. Еиҿкааужьҭеи уамак шымҵуагьы,
иҟанаҵахьоу рацәоуп, иаҳагьы еиҳауп ҳара уи аҟнытә
ҳаззыԥшу. Бзиа иубо, иҵегьы деиӷьхарц иуҭаху иоуп игуп ҳәа
угәы иаанаго зоуҳәо, убри аҟнытә аконгресс азыҳәан исымоу
гәаанагарақәак шәасҳәап. Актәи аконгресс анымҩаԥысуаз
ишьҭыхын зҵаара дук – аԥсуа алфавит аԥсахра, алатин
шрифт ашҟа аиасра. Убасҟан саргьы сықәгылараҿы абри
азҵаара сазааҭгылеит. Ашьҭахь иҭыжьын астенограмма. Уаҟа, ишыҟалаз сыздыруам, сара исымҳәазоуп иану.
Сықәгылараҿы исымҳәеит ашрифт ԥсахтәуп ҳәа, иԥсахтәым
ҳәагьы сымҳәеит. Исҳәеит асеиԥш иҟоу амилаҭтә зҵаара ду
иаармарианы азнеира иашам, уи аӡбаразы, «ааи» ма «мап»
уҳәарц азын ишәатәу изатәу рацәоуп уажәы уи, ареферендум
зҭаххо азҵаара алацәажәаха ҳамам сҳәеит. Исгәалазыршәаз,
актәи аконгресс аан абри азҵаара ирацәаны ианалацәажәа,
сгәы иаанагон аҩбатәи аконгресс аан гәаанагарақәак иазкылсуеит ҳәа. Ус иҟамлеит. Сазыԥшын иӡбахоит ҳәа даҽа
зҵааракгьы – аконгресс иаоргану аԥсышәала агазеҭ аҭыжьра.
Уи аҵакы шаҟа идуу еилкаауп. Аконгресс аҿы ирыдыркылеит ааԥхьарақәа. Урҭ зегьы иаҭахқәоу роуп. Иҳәатәуп ибзиангьы ишҩу. Сазыԥшын ирыдыркылоит ҳәа ааԥхьарақәа
даҽа ҩба: адунеи иқәынхо аԥсуаа зегьы рышҟа урҭ рџьынџьԥсадгьыл ашҟа ихынҳәырц, аҩбатәи – Аԥсны аиҳабыреи
Аԥсны иқәынхо ажәлари рышҟа ааԥхьара. Зықьҩыла ҳҵеицәа
рыԥсҭазаара ахҭынҵаны аиааира ҳгеит, аха ҳиааира иахьа
амахә иқәгылоуп. Инаҳампыҵышша ицар ауеит. Иахьа Аԥсны
аҩнуҵҟатәи аҭагылазаашьа зеиԥшроуи иҟаҵатәуи рзыҳәан
аконгресс гәаанагарас иамоу ҳзымдыруа ҳаанхеит. Анаҩс
сазыԥшын ҷыдала иазааҭгылоит, иҟарҵақәо ҳәа конкретла акы
ӡбахоит ҳәа абызшәа азыҳәан. Ԥсадгьылда амилаҭ шзыҟамло
еиԥш, хатәы бызшәадагьы изыҟалом амилаҭ. Ҳҭагылазаашьа
зеиԥшроу иазхәыцны, ҳбызшәа аиқәырхаразы, ахәыҷқәа
дырҵараҿы рыцхрааразы, иҟаҵатәқәоу аусмҩаԥгатәқәак
азгәанаҭар акәын аконгресс.
– Иҟаҵатәузеи уара угәанала?
– Убри сҳәарц азыҳәан издыруазароуп алшара
ахьынӡаҟоу. Шаҟа доллар баша ацәажәаразы иныхыузеи
Ҭырқәтәыла ацара-аарала. Аӡәы ицара-иаара иаго нахҭнуҵар,
аԥсышәала ахәыҷқәа рзы иаԥуҵоит аԥсуа мультфильм. Уи
зықьҩыла иахәаԥшуеит, ахәыҷқәа абызшәа днарҵоит. Ҳхатәы
бызшәа бзиа ишаҳбо ҳәа аҳәара азин ҳамоума хәба фба
шықәса раахыс асахьақәа нацҵаны ахәыҷы дзыԥхьаша
шәҟәык инапаҿы иаҳмыркыцзар. Даҽа гәаанагарак
абызшәазы. Аԥсуа бызшәазы ақәҵарақәеи иҳәоуи рацәоуп,
аха иҟаҵоу маҷӡоуп. Иахьа излаҟоу ала аԥсуагьы аԥсшәа
изымдыруазар, џьаргьы иԥырхагаӡам, ипаспорт аҿы аԥсуа ҳәа
данызааит, уаҳа акгьы. Аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәоуп
ҳҳәеит, аха уи иаанаго, иаҵанакуа ҳәам, иаԥҵам азакәан, уи
ҳәынҭқарратә бызшәахартә еиԥш.
– Џьума Басариан-иԥа, аконгресс аҿы иалацәажәеит
аԥсуаа Аԥсны анҭыҵтәи ҳахьӡ – «абхазы», «абаза», азҵаара.
Уара ушԥазыҟоу уи?
– Ҳара ҳхатәы хьӡы – аԥсуа ауп. Анҭыҵ иаҳзырҳәоит
«абхазы» ҳәа, иаҳзырҳәоит «абаза» ҳәагьы. Иҟоуп атәылақәа
ачерқьезқәа ҳәа анырҳәо ҳаргьы ҳалаҵаны иахьырҳәо. Аконгресс аҿы ицәажәоз анҭыҵтәи ҳахьӡ «абазақәа» ҳәа иҟаҳҵап
ҳәа акәын ирҳәоз. Даараӡа имариам, даараӡа изызхәыцтәу
зҵаароуп ари. Дац-ԥашәк еицҳамазаргьы, ихазы милаҭхахьеит
абазақәа. Урҭ рыԥсадгьыл аҿгьы анҭыҵгьы абазақәа ҳәоуп
ишырдыруа. Дара рыхьӡ ҳаргьы ҳхы иахьӡаҳҵар ишԥаҟало?
– Аринахыс уззыԥшузеи аконгресс аҟнытә?
–Сазыԥшуп ианбасаҳауеи ҳәа аконгресс иҟанаҵарц
иӡбаны иамоу абарҭ азҵаарақәа рҿы: ргәы ишԥаанагои,
еиқәырхашьас иамоузеи иаагаз аиааира? Иҟарҵарц ргәы
иҭоузеи адемографиа аганахьала? Иҟарҵарц ирыӡбуазеи
ҳбызшәазы? Сазыԥшуп ажәа ԥшӡақәа рҟынтә аус бзиақәа
рышҟа ииасып ҳәа.
Аҿцәажәара анылҵеит О. Ԥлиаԥҳа.
«Гагра», 10.08.1994

АХШЫҨИ АМЧИ АНЕИЦУ
(Март 4, 1994 шықәса рзы Аҟәа, Аиааира ашҭаҿы
имҩаԥысыз амитинг аҟны иҳәоу ажәа)
Ажәлар абзиара шәықәлааит! Аԥсны аинтеллигенциа
рыхьӡала ишәыдысныҳәалоит аиааира дуӡӡа ишәгаз! Сентиабр 30, 1993 шықәса инаркны аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы
иааизакны Аԥсны зегьы аҭоурых аҿы иаатит адаҟьа ҿыц
– афырхаҵара дуӡӡа адаҟьа, ахақәиҭразы аиааира агара
ахьтәы даҟьа! Абри аҽны хьӡи-ԥшеи згым ҳаибашьыҩцәа
фырхацәа, нарҭаа дуқәа злоу, нас иҳадгылаз Нхыҵ-Кавказтәи
ҳашьцәа, Урыстәыла иреиӷьу рҵеицәа абӷа ԥырҵәеит адацқәа
ыҵыржәеит азҩаҿкы бааԥс – ақырҭуа фашизм, Қырҭтәыла
ргеноцидтә политика. Зықьи ҩышә шықәса инареиҳаны
изхыҵуа аԥсуа ҳәынҭқарра аиқәырхара, аԥсуа жәлар милаҭк
аҳасабала рышьақәгылара, уажәы аибашьраҿы иргаз аиааира дуӡӡа, ҳахьӡ-ҳаԥша ахара анаҩра уҳәа зыбзоуроу ахшыҩи
амчи иахьеицнаргоз ауп, иахьеизхәыцуаз, иахьеидгылоз ауп.
Атоталитартә ҳәынҭқарра аангьы, рхатәы ԥсҭазара ашәарҭа
иҭаргылауа, аԥсуа интеллигенциа иреиӷьу рхаҭарнакцәа,
изныкымкәан ирыхьчахьан рыжәлар, ирыхьчахьан рҳәынҭ­
қарра Аԥсны. Асоветтә Аԥсны анапхгара рхырхарҭеи ажәлар
рыгәҭыхеи анеиқәымшәалак, рхырхарҭақәа аныхазы-хазхалак, аԥсуа интеллигенциа рыжәлар ирыдгылон, рҿахәы рҳәон,
ринтересқәа рыхьчон. Ажәларгьы ирыхьчон ринтеллиген553

циа. Урҭ реидгылара, реибахьчара ԥсеиқәырхагахон Аԥсны
азыҳәан. Ҳазшаз илԥха ҳаманы, иахьа уажәтәи Аԥсны анапхгареи Аԥсны иқәынхо ажәлари рҳәатәы еиқәшәоит, мҩак
еицықәуп, гәҭыхак еицрымоуп. Аринахысгьы убас ҳазшаз
иҳаҭәаишьааит!
Ажәлар шәхаҵкы! Иахьа иаҳзеилалеит ацәаныррақәа
ҩба: агәырҩа хьанҭеи агәырӷьара лашеи. Аԥсны гәырҩоит
иаԥхаз аҵеицәа рзыҳәан. Ашәы ашәуп, алахь еиқәуп. Аха
агәырҩа хьанҭа иалиааит агәырӷьара ду. Аԥсны ахаҿы ахаччо
иаԥылоит амш лашара – Аиааира Амш!
Абџьар мцала аибашьраҿы аиааира анаҳга ашьҭахь,
ҳааҭагылеит даҽа еибашьра еиқәаҵәак: ауаҩреи ауаҩымреи,
аламыси аламысдареи реибашьра.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2114
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2172
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3334
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2343
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2249
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2187
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2176
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2177
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3377
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2162
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2211
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2207
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2271
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3296
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3311
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2202
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2296
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3408
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3367
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2221
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2156
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2054
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2216
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3333
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2174
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3272
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2076
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3349
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 22
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20