Latin

Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36

Süzlärneñ gomumi sanı 3349
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
наугӡозар акәхап уажәшьҭа, батоно, ишубо, ақырҭуа жәлар
реиҳараҩӡак уи рыбжьы ирҭеит…
Егьа дҟәыӷазаргьы, дышуаҩыз даанхон. Ахшыҩ иман,
ибӷалоз ихьчартә, аха ихаҭа ихы ихьчартә аҟара уеизгьы
даҟәгамызт адгьыл.
Ари аҩыза ажәа заҳаз афилософ, еидихәыцлаз, шаҟа
ахара дыԥшыз, шаҟа сахьа ибла ихгылаз аҳәара, аҩра иаҭахуп
Достоевски (убригьы убасҵәҟьа иакәым амҩа шәықәуп,
шәыбӷалоит ҳәа ибжьы иргахьан, аха изаҳауадаз) ибаҩхатәра,
икалам. Сара ислышо акы заҵәыкоуп – иҟалаз афакт аҳәара.
Акраамҭа дгылан, рҳәеит, афилософ ҿымҭӡакәа. Уаҳа имч
мхазт, деизҟәыҿы днатәеит. Уиакәхеит, игәы аисра иааҟәҵит.
Даҽа лахьынҵак иоушьа ыҟамызт. Уи дмыцхәхахьан. Амҩа
даԥыргатәын. Икаххаа иаатит амҩа, Қырҭтәыла знылаз
ашьамҩа…
Хыхьынтәи иаашьҭу акеиԥш иахәаԥшуа, «азаара рзааит»
зҳәало ажәлар, даҽа ажәаԥҟакгьы аԥырҵеит. Уи ажәаԥҟагьы,
ауаҩы имч зқәымхо, мчык иаанашьҭит ҳәоуп ҵакыс иамоу:
«Ашьа ицаша, ада иалагылом». Иуҭаху ҟаҵа, башоуп, акгьы
улшаӡом, ацәеижь иалҵраны иҟоу ашьа, нкылашьа узаҭаӡом.
Маи мза анҵәамҭазы жәыргьыҭтәык сиацәажәон Зҭәымҭа
иҭагылаз хаҵан. Аԥсуаа ҳзыҳәан ажәа бзиақәа аниҳәа, ус
снаиазҵааит.
– Уажәыгь Гамсахурдиа идгыло рацәаҩума? Уара ухаҭа
узыдгылода?
– Сара Гамсахурдиа изыҳәан изныкымкәа сырхәхьеит, –
ҿааиҭит дахыҽхәауа. – Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зҭаху дарбан қырҭуазаалак уи дидгылароуп.
– Ааи, аха уи иааҟаиҵаз ала уахәаԥшуазар, иаҳагьы
ахьыԥшрахь, иаҳагьы атәрахь игон Қырҭтәыла.
– Мап, амҩа иаша ианыз уи иакәын. Сара схы иқәсҵоит.
Исыхшазгьы иара изыҳәан иԥсы ҭоуп.
– Заҟаҩ ахшара умада?
– Ҷкәына заҵәык.
– Ихыҵуазеи?
– Ҩажәи хәба шықәса.
– Уи уажәшьҭа ихала иӡбартә дыҟоуп иҟаиҵаша.
– Ааи, ихала иӡбеит. Уи идыруеит Гамсахурдиа изыҳәан
дҭахар хьӡи-ԥшеи шамоу, Гамсахурдиа ида ҳара ԥсҭазаара
шҳамам…
– Уара уҷкәын заҵә убри дихҭнуҵома?
– Гамсахурдиа идымгылаз аҵеи дзысҭахузеи сара?! Снапала дысшьуеит уи данидымгыла!
– Абрахь ишкылнагоз хымԥада днаԥшны ибон афилософ.
– Исҳәо сҿамшәо сихәаԥшуан жәыргьыҭтәи агыруа.
– Сара исгәаԥхоит аԥсуаа шәпозициа, – иҳәеит уи
аҵыхәтәан, – шәара аҟәыӷара ду аашәырԥшит. Қырҭқәак ргәы
иаанагоит Гамсахурдиа шәидгылазшәа. Даҽа џьоукы агәра
ганы иҟоуп Шеварднаӡе шәхы идышәкылазшәа. Сара зыгәра
ганы сыҟоу акоуп – иналкааны, иаахтны ганкы шәадымгылеит.
Реимак дара ирусуп шәҳәеит.
– Саргьы издыруа акоуп. Шәара ишәҭаху ауп аԥсуаагьы
иаҳҭаху. Шәара шәызшьагәыҭу адгьыл аԥшәымацәас
шәаманы, ихазу, аӡәгьы ихьыԥшым ҳәынҭқарраны шәыҟазарц
шышәҭаху еиԥшҵәҟьа, убасҵәҟьа ҳаҟазарц ҳҭахуп ҳаргьы.
Уаҳа акгьы. Уажәы дабаҟоу уҷкәын заҵәы?
– Гамсахурдиа изыҳәан иқәԥо дрылоуп. Уи дхаҵоуп,
хаҵаҵас дҭахааит!
Ҳрыцҳашьа ишеишеиуа жәҩан икыду амра! Ҳара ҳҿынӡа
иааумыгӡан ушәахәа еиқәаҵәақәа.
Иааӡахьазар? Аӡәык-ҩыџьак, иналк-ҩалкны, ашкәакәа
еиқәаҵәаны, аиқәаҵәа шкәакәаны иаҳбо ҳалагахьазар?
Анцәа ҳнаигәҭасны, аџьныш ҳааихозар?
Реиҳа дҟәыӷоуп ҳәа исыԥхьаӡо аԥсуа быргк, уажәааигәа
сышиацәажәоз, реиҳа даԥсуа партиотуп ҳәа исыԥхьаӡо хаҵак
изыҳәан ус ҿааиҭит: «Сара, дад, уи ауаҩ иааигәара уаҳа снеиуам. Сара исҳәо иара изыҳәан баша ӡҭахысроуп».
Адәныҟатәи аӷа дшәарҭам зҳәода. Уи изыҳәан еснагь
аҟама абжаранӡа аҭра иҭыхны иаҳкызароуп. Аха уи уиаҟара
дызлашәарҭам, ма иара уара уишьуеит, ма уара иара душьуеит.
Уара иудыруеит иара дызусҭоу. Зеилкаара цәгьоу, иааишьагьы
змам аҩнуҵҟатәи аӷа иоуп.
Шықәса ҩажәижәаба инареиҳаны Аԥсни аԥсуареи
ирзықәԥауа хаҵак, убри аус зкариереи згәабзиареи ахҭнызҵаз,
ус ҿааиҭит: «Иуасҳәар ихоуҵарым, аха схаҭа исхызгахьоу ауп.
Иреиӷьу ажәа ԥшӡақәа, иԥсхаҵагоу, игәыҭгагоу ажәақәа сара
исаҳахьеит аԥсуаа рҟынтә. Аха аԥсуаа рҿынтәоуп ишсаҳахьоу
иреицәоу реиҳа ишьыгоу ажәақәагьы».
«Ауаҩы иаӷацәа иҩны аҩнуҵҟоуп иахьыҟоу», –ҳаԥхьоит
Абиблиаҿы.
Угәыла иҩны амца акыр, дуҭахызаргьы, дуҭахымзаргьы,
уахь умнаԥшыр ауам. Раԥхьа ухы иҭашәогьы, уара ухаҭа
уҩноуп. Сара сыҩнгьы амца акрымашь, машәыр ҟаларымашь?
Қырҭтәыла иҟалаз сазхәыццыԥхьаӡа, исҭахы-исҭахым, Аԥсны
азхәыцра сламгар ауам. Иауам. Акыр жәашықәса раахыс даргьы ҳаргьы ҳазқәыз амҩақәа акы акәын. Даргьы азықәԥон
ахақәиҭра, ахьыԥшымра, ҳаргьы ҳазҿыз убри акәын. Рыгәҭыха
ссир ду ааигәахан, рышәхымс ианаақәәгыла, дара рыҩнуҵҟа
хыла-гәыла иааилалеит.
Даҽа ажәа ҟәыӷакгьы иҳәалон саб ԥсаҭа шкәакәа:
«Иқәӡааша, дад, ма дызхылҵыз дичычоит, мамзаргьы
ихылҵыз чычарҭахәыс дикуеит». Уи иаанаго, реиҳа изааигәоу
ӷас дҟаиҵоит ҳәоуп. А. Чижевски итеориала иуҳәозар, амраҿы
иҟалаз аиҭакрақәа реиҳа изԥырхагахаз ақырҭқәа, реиҳа
ирзааигәаз, реиҳа ирҭынхацәаз ргәылацәа ирыжәлеит. Аҭоу­
рых иадыруа фактуп: акыр шәышықәса уажәаԥхьа Қырҭтәыла
ҳәынҭқарраны изыҟаломызт аԥсуаа ракәмызҭгьы. Изусҭцәада
абзиара ду ҳзыҟазҵаз? Аԥсуаа. Ус акәзар, раԥхьа изжәылатәу,
зшьа каҭәатәу дара роуп. Аԥсуаа роуп ҳара зегь реиҳа
иҳаӷацәоу. Иреицәоу ҳажәақәа урҭ рызктәуп. Ихышхыҵәаны
аҿаанахеит ашьа злыжжуаз ажәақәа. Иахьагьы еиқәымтәац.
Сара исыздыруам адунеи аҿы иҟаны даҽа милаҭк, ақырҭқәа
раҟара даҽа милаҭк рзыҳәан ицәаԥҽыгоу, иларҟәыгоу ажәақәа
зҳәахьоу. Урҭ аԥсуаа ирзырҳәахьоу, ирзырыҩхьоу зхы пату
ақәызҵо иҿы иаҭәашьаны иҳәом.
– Иҳахьзеи, ҳаинымшәартә иҳабжьалазеи? – ҿааиҭит
уажәааигәа қырҭуак, – еидысларак ҟалазар, аешьцәагьы анеисуа ҟалоит. Иашоуп, аԥсуаа ҭахеит, аха аҵкысгьы иеиҳаны
иҭахеит ҳара ҳтәқәагьы…
– Ахҭыԥ ӷьоит, аҟама ҭыԥ еималоит, имӷьо, иеимамло ажәа
иуннаҵаз ахәроуп, – сҳәеит. Уи ажәаԥҟа инацысҵеит, –насгьы
ажәа нҵәашьа, аанкылашьа амамзар…
Ҿырԥштәы заҵәык. Реиҳа днационалиступ ҳәа ирыԥхьаӡо
аԥсуак иҳәо смаҳац, ақырҭқәа ҳәа изышьҭоу қырҭқәаӡам ҳәа.
Иҵарауаауп, иҟәыӷақәоуп ҳәа ақырҭқәа ирыԥхьаӡо рҵарауаа
ҳаԥсыуаауп ҳәа шәхы иазышәҳәоит, аха шәаԥсыуааӡам ҳәа
иаҳҿагылоуп.
Анцәа иџьшьоуп, ачҳара ҳазханы, дара ҳреиԥшымхакәа,
ҳахьымыҳәҳәо, иаҳҳәап, абасеиԥш ҳәаны: «Уусс иалоузеи, уара,
зхы ааҳәыз, сара схазы аԥсуа сҳәама, абхаз сҳәама, уи сара
соуп изусу. Уара ухаҭа аҩны иухьӡузеи, адәахьы иухьӡузеи?
Убри уазхәыцрауазеи? Шәыдгьыл шәашьагәыҭӡам, наҟынтәи
шәаанагеит уҳәеит, уахаҭа уахьынтәааз угәалауршәарауазеи?
Зхы аҭыԥ иқәу ауаҩы иҳәома, шәанаџьалбеит, абри аҩыза:
аԥсуаа Аԥсны иаанагеижьҭеи ҩышә шықәсагьы ҵуам ҳәа.
Араҟа иаанагеижьҭеи ҩышә шықәса мҵуазар, зқьы шықәса
уажәаԥхьа шәара шҳәынҭқарра аҟаҵаразы излашәыцхраауаз?
Издыруада акосмосахьтә иаауа-ицо ибжьазар аԥсуаа?!»
Даҽакала иааурҳәыр ҟамларишь саб иажәаԥҟа? Анцәа
иишәиуа, дад, ихшыҩ ааирҳәуеит.
Ахшыҩ анааҳәлак гәылак, ҭынхак иакәӡам алаԥш иҵашәо.
Уи аҭынхацәа зегьы ӷацәас иабо иалагоит. Аԥсуаа ишҳажәлаз
еиԥшҵәҟьа, ирыжәлеит ауаԥсаагьы. Избан? Урҭгьы абзиара дуқәа рзырухьеит. Қырҭтәыла ацәырыхьчахьеит аӷацәа.
Қырҭтәыла азыҳәан ашьа карҭәахьеит. Ус акәзар, дара рхаҭақәа
ршьа каҭәатәуп. Ишьтәуп, инырҵәатәуп. Сызҿыз, ахшыҩ ааҳәра,
Мераб Мамардашьвили ижәлар ацәихьчарц даҿыз, ауаҩы иан
дыԥсцәаҳаны динарбоит, аԥсцәаҳа аныс диԥхьаӡоит. Аԥсуаа
ақырҭуа шовинистцәа ҳажәызҵаз раԥхьа дгылоуп Звиад Гамсахурдиа. Уи усҟан иԥаҵа далаччон, дгәырӷьон. Аха зыхшыҩ
ааҳәыз, игәыла, иҭынха изыҳәан иааҳәны, иара изыҳәан аҭра
иҭатәаны иҟалаӡом. Ианааҳә, иааҳәитоуп иара изыҳәангьы.
Звиад Гамсахурдиа ҳара иҳажәиҵоз, иааҳәын, иара ихаҭа
инаижәлеит. Ашьа афҩы заҳаз агыгшәыг аангылашьа ақәӡам.
Ақырҭқәа рыҩнуҵҟа, дара дара анибарҵәара иналагеит.
Аҵарауаҩ А. Чижевски итеориала иуҳәозар, амра рхарахеит,
амраҿы иҟалаз аиҭакрақәа рнырит.
Аиаша иарбану здыруада: адгьыл аҿы агәаӷ
анхышхыҵәалак, ақәаб анеилашауа ахыԥсыхь шахылҵуа
еиԥш, аенергиа еиқәаҵәа ахылҵны, ажәҩанахь ицауоу, мамзаргьы ажәҩанаҿ, амраҿы енергиа еиқәаҵәақәак
хышхыҵәаны арахь рҿаархауоу.
Сара сахаанны, аԥсуаа ҳҿы агәаӷ знык ихышхыҵәахьеит.
Уи 1989 шқәса ииуль мза азыҳәан акәын. Гәыԥҩык ҳаӷацәеи
ҳареи ҳаидыслара акәӡамызт усҟан ишәарҭаз. Ақырҭқәа
ауаԥсаа рзыҳәан, неилых ҟамҵакәа ишырцәымыӷхаз аҩыза,
ҳаргьы ақырҭқәа рзы убас ҳҟалар ҳәа акәын ишәарҭаз.
Ҳазшаз уи ҳацәихьчеит. Аԥсуаа шаҟа иуаа аамысҭашәацәаны
иаанарԥшуазеи аидыслара амшқәа раангьы, убри ашьҭахьгьы
ԥҳәыск лзыҳәан рнапы ахьышьҭырымхыз, сабик цәгьарак
ахьизырымуз. Аибашьрагьы иамоуп хатә закәанқәа, ахатәы
ҳәаақәа. Урҭ аззакәанқәа, урҭ аҳәаақәа иаҳа-иаҳа ирхысуа
ицоит ақырҭуа фашистцәа.
Ҳәаа змауз, иазгәамҭаӡакәа, иааҳәны, изыдгылоз
иаҿагылоит, изҿагыларц аҭахыз иадгылоит.
Амаҷ аду угәаланаршәоит, аду ухаҿы ишаанаго еиԥш
амаҷ. Хыхь сызлацәажәази иареи еидкылашьа рымам, аха
агәаӷ анааилак, агәаӷ мацара ацәажәара ианалагалак, аиаша
акәзааит, ауаҩра акәзааит, аламыс акәзааит, зегьы шахәаҽуа
аласҳәарц ҿырԥштәык аазгоит. Саԥхьоит шәҟәыҩҩык
сара сзыҳән илҩыз ацәаҳәақәа: «Уи усгьы анцәа дазишеит иааҟалалак ахҭысқәа иаразнак рықәҿыҭра…» Анаҩсан
еиқәыԥхьаӡоуп сыбжьы ахьсыргақәаз.
Ииҳәаз сақәшаҳаҭым, ииашамкәан иҳәеит ҳәа акә­ӡам
шәҟәыҩҩык даҽаӡәы изыҳәан лгәы иалоу. Ибжьы ахьир­
гаӡазоуп илызхымго. Ацәымӷра анеилашуа, ицәажәоит агәаӷ.
Анаҩсан ҳаԥхьоит: «Уԥсыр узжуа уҩызцәа гәакьацәа…»
Уанԥслак, иуҩызцәоушәа ҟаҵаны, ауаа иахьырбо ҳәа,
аҽраԥшразы инеиуа, арахь згәаҵа ҭгәырӷьаауа, уԥсы шҭоу наҟ
иуԥыруцар, уҽурыцқьеитоуп.
Хыхь исҳәаз аназыҟалалак ахшыҩ, ианынаҳә-ааҳәлак,
иҩыза диаӷаны, иаӷа диҩызаны дахьибо мацара аҟны
иаангылаӡом. Ихаҭа дԥааимбарны, маалықь цәа иҟәынҳәҳәы,
ибла иҵашәаз дыџьнышны, гәнаҳарала дибо дҟанаҵоит.
Зыӡбахә сымоу астатиаҿы, саԥхьоит: «Еиӷьзар ма уара
иумҳәар аламыс атәы…» Сзыхлырҟьозеи? Апартиа сахьалҵыз.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аурыс, аԥсуа уҳәа апериодикатә
кьыԥхь аҿы изныкымкәа, апартиа сахьалҵыз, насгьы апартиеи
уи ашьаҭаркҩы В.И. Ленини рзыҳәан исҳәақәаз рзыҳәан акритика сзуны, исҿагыланы, аӡәымкәа, ҩыџьамкәа ицәажәахьеит.
Ажәа «акритика» уҳәар ауеит аурыс кьыԥхь аҿы исҿагылақәаз
ирызкны, избанзар, уаҟа исҳәаз иақәшаҳаҭымзаргьы, уаҩԥсык
иаҳасабала, сцәа ԥызҽышаз аӡәгьы имҳәеит. Ус сызҳәом
аԥсуа кьыԥхь ианылаз аиҳарак рзыҳәан. Убри аԥсуа кьыԥхь
исгәаланаршәеит ауриацәа рзыҳәан исаҳахьоу лафк.
Ауриак СССР ааныжьны, Израильҟа дцарц далагазаап.
– Узцозеи, уара, Израильҟа? Уҩныдоума, угәарадоума? –
инаиазҵааит.
– Аҩнеихагыла сымоуп.
– Амашьына умаӡами?
– Ицырцыруа «Волга» сақәтәоуп.
– Издыруада, уфатә-ужәтә иагхазар…
– Агарҭа сымам, – иҳәеит ауриа.
– Уара, ауриа-каҷбеихша, уԥышә хыџьгәыгәнӡа, ламыс
умам акәымзар!..
– Иазхоуп, иазхоуп! Абар, сара сықәҵны сызцо, уара
уҿала иуҳәеит. Абри азыҳәаноуп сзықәҵуа, – иҳәагәышьеит
ауриа.
Исгәалазыршәаз, апартиа салымҵыцызҭгьы, сахьалҵыз
азыҳәан акьыԥхь аҿы исыхцәажәақәаз реиԥш иҟақәоу ахьалоу азыҳәан мацарагьы, алҵра ахәҭан. Иџьоушьаша, апартиа иалаз, иахьагьы гәыкала иазыҟоу, усҟангьы уажәгьы
уаа ԥсыцқьақәас исыԥхьаӡоз, апартиа сахьалҵыз азыҳәан
ажәа кьынаак сзырымҳәеит. Еиҳараӡак исыжәлеит КПСС
анапхгараҿы ианыҟаз ма иаахтны «аҟаԥшьқәа» рҿы аус зуаз,
мамзаргьы апартиатә органқәа рахь аԥсуа интеллигенциа ирзашшны ашәҟәқәа алазҵоз. Анцәа иҳәозар, урҭ адокументқәа
мышкызны иааԥшып. Убри иацәшәаноуп даргьы еиҳараӡак
КПСС изацәнымхогьы.
Аидеиа ахаҭа, акоммунизм, сшазхәыцуаз, иаасгәалашәеит
Аҟәа иалсуа аӡиас хәыҷы, Аӡаԥшь. Ашьха иҵыҵуеит. Аӡба
уамкӡозаргьы, уеилаҳаны иужәып иахьыҵыҵуа. Аҿаанахоит
Аҟәаҟа ахы рханы. Иааскьацыԥхьаӡа, иаҳа-иаҳа ауаа
убасҟак ирҟьашьуеит, убасҟак идырхәамгоит, Аҟәа ианналсуа,
уеимаақәа узаламыӡәӡәо иҟалоит.
Иисус Христос инаиркны, иахьа ужәраанӡа иреиӷьу
аҟәыӷацәа зызхәыцуа идеиоуп акоммунизм. Аха убри агәҭыха
ду наҳагӡоит ҳәа иалагаз убасҟак ацәа ԥырҽит, убасҟак
идырхәамгеит, Аӡаԥшь Аҟәа ианналсуа иаҩызартәит.
«Мчыла дықәԥаны апартиа дшалалаз, иаҳхашҭызгьы
ҳгәалаиршәеит», саԥхьоит исызку статиак аҿы.
Уи зҳәаз ауаҩи сареи парторганизациак аҿы
ҳаицықәгыламызт, џьарак аус еицаауамызт, апартиа салалара аӡбара лара лусс аламыз. Аха лхаҭа излалҳәо ала, апартиа
салалар луамызт. Ус анакәха, сымҩа ахьыркышаз, салаҵареи
саламҵареи ахьырыӡбуаз, џьоукы рҿы днеины дашшит убри
ауаҩ апартиа далашәымҵан ҳәа, аха уаҟа иларҳәеит даламлар иуам ҳәа. Усоуп илҳәаз иаанаго. Аха сара урҭ ацәаҳәақәа
санрыԥхьа, ччараха исысын, иаасгәалашәеит Гәдоуҭа
иҟалахьоу хҭыск.
Таксистк дыҟан, иҳәеит, Гәдоуҭа. Гыд ихьӡзаарын, Оҭрбан.
Қәрала иҭәымҭахь днеихьан. Аҷкәынцәа, ишьцылацәоу, инаалашьа, иҟазшьа ахьбзиаз акәу, узԥада ҳәа аӡәы ианиазҵаалак,
Оҭр Гыд сиԥоуп рҳәозаарын.
Ҽнак хаҵарԥыск Гәдоуҭа аџьармыкь азааигәара атакси днақәтәеит, иҳәеит. Абӷархықәҟа рхы рханы ицон. Амҩа
иахьықәз атаксисти ахаҵарԥыси неицәажәа-ааицәажәақәеит.
Еигәаԥхеибашьазаап, ҳаибадыруандаз, аиҭанеиааира ҳабжьандаз ргәахәзаап аҩыџьагьы.
– Уара узԥада, дад? – иҳәан, арԥыс днаиазҵааит атаксист.
Арԥыс, ихамыждараз, лафны ирҳәало:
– Оҭр Гыд сиԥоуп, – иҳәеит.
– Цқьа усыхәаԥшишь, дад, – иҳәан арԥыс днаихәаԥшит,
иҳәеит, атаксист. –Сызԥада зуҳәаз уара?
– Оҭр Гыд, –иҳәеит еиҭах ахаҵарԥыс.
– Сара соуп, дад, Оҭр Гыд зыхьӡу. Усеиԥш зыхьӡу дааҽаӡә
дыҟам. Сара, дад, уан ԥҳәысс дсыманы исгәалашәом. Сара
усԥоушәа уаҳәаны улымжьазааит, уаннеилак цқьа улазҵаа, –
иҳәеит Гыд.
– Исықәнагаҵәҟьоз соуҳәеит, – иҳәан, дааԥышәарччеит
арԥыс.
Ажәабжь сазҳәоз инациҵеит, ашьҭахь урҭ аҩныҟа инеибагеит, ирфеит, иржәит ҳәа.
Изхысҳәааз, даараӡа схәыцит, ахаа апартиа саларҵарц
сзақәԥаз ҳәа уаҩ дысгәаламшәеит.
Лафымкәан уазхәыцуазар, иаанагозеи асеиԥш аҳәара?
Апартиа уалаларц уӡбызар, уи уара иуусым, изыӡбуа ҳара
ҳауп. Иҟамлароуп ахатәы гәаанагара. Уалҵырц уҭаххазар,
удунеихәаԥшра аҽаԥсахзар, уигьы ҳара ҳауп изыӡбуа. Уара
азин узҭада ухатәы гәаанагара амазаара. Апартиа уалалозар,
«аҟаԥшьқәа» иразҵаатәуп, уалҵуазар, аобкомаа ирыӡбароуп.
«Аҟаԥшьқәа» анысҳәа, иаасгәалашәеит урҭ уажәааигәа
рорганизациа шеимлырпыз. Уи сшеигәырӷьаз сҳәарц сҭахын,
аха сааннакылеит акьыԥхь аҿы исызкны сзыԥхьаз абарҭ
ацәаҳәақәа: «Акоммунистцәа ианрыжәла, зегьраԥхьаӡа ҳара
ҳҟны иара дрыжәлеит, Ленин ижәлан, иаргьы дижәлеит, еилыбгаз ҳҳәынҭқарра мцацәагьы – ахыуҳәа дназыҭрысит». Асеиԥш
сзызҳәаз, КГБ ашә ахьадыркыз сеигәырӷьеит, анцәа иџьшьоуп,
сыԥхыӡ иаламшәоз агәырӷьара сахьахаанхаз сҳәар, хымԥада,
дсыжәлоит.
Араҟагьы ахшыҩ ааҳәра иахҟьаны, ицәахыхгаз ажәақәа
сзиҳәоз џьшьаны иаҳагьы сгәы иахәашаз иҳәеит, зегьынџьара
аԥхьагылара сара сналкаан исиҭеит. Сеигәырӷьаҵәа исыдыскылон. Аха иҟалаз уиоуп, аԥхьахәқәа зыҭатәу сара сакәӡам.
Акоммунистцәеи В. И. Ленини раԥхьа изнаԥхаз дарбану? КПСС
анапхгараҿ ианыҟаз, иааҳәалакгьы иақәшаҳаҭхоз, аҟармаҵыс
ашәа шамҳәара, акка-ккаҳәа ашәа азызҳәоз, акоммунисттә
идеологиа ргәы-рыԥсы зегьы шатәу ҳәа иқәуаз, аԥсҭазараҿы
уи апартиа, уи аидеологиа ыҵазырбгаша ҟазҵоз роуп.
Анцәа иишәиша, дад, уеиҳа здыруа ииҳәо умаҳааит ҳәа
дишәиуеит!
Аурыс интеллигенциа ирҳәеит, ирҩит, ашәҟәқәа ҭрыжьит,
иҿагылеит В. И. Ленин, узқәылаз амҩа Урыстәыла ыҵанарбгоит,
иуӡбаз ҟаҵашьа амам ҳәа. Аанкылашьа имоуит амра ашәахәа
еиқәаҵәақәа иртәыртәхаз.
Инеиҭаҳкып ажәаԥҟа: «Иара ииҳәо ада даҽакы имаҳааит
ҳәа дишәиуеит, анцәа иишәиуа!»
Ҳара ҳпартиа иаҳәаз ада уаҳа даҽа гәаанагарак ҟамлароуп.
Хатәы гәаанагарак змоу зегьы Урыстәыла иалцатәуп, иҭактәуп,
ишьтәуп. Апартиа алҵреи алымҵреи ҳәа сшылакҩакуаз ҽнак
саԥхьеит В. И. Ленин иҳәамҭак: «Шаҟа ирацәаҩны ишәызшьуа,
убасҟак иаҳагьы еиӷьуп». Шаҟантә аԥышәарақәа сҭихьаз уи
иҩымҭақәа рыла! Ҳәарада, ахәшьара бзиақәа соуан. Ауаҩы
дины данынкашәалак инаркны, уааҟәымҵӡакәа, аџьныш дирбауа, дԥааимбаруп ҳәа иоуҳәалар, аџьныш нцәас диԥхьаӡо
дҟауҵоит. Москва санҭаз, исгәалашәоит ҳлектор Томашунас зны
инаиҿыҵҟьеит В. Ленин иҩымҭақәа иҭыжьым, иҵәаху рацәоуп
ҳәа. Иҳәатәымыз акы шиамхаҳәаз ибан, изҭырмыжьуа ҳәа акгьы
ацимҵеит. Ари аҳәынҭқарра ҟазҵаз, ихаҭа ииҩқәаз, ииҳәақәаз
ҭырмыжьуазар иаҳзымдыруа акы ҟаланы иҟоуп, иеилкаашьас
иамоузеи акәымзар ҳәа ианысҵеит усҟан сымшынҵа. Аӡәгьы
ианимаҳауаз, сиҳәеит Томашунас, иҭырмыжьуа иҩымҭақәа, акы
аҟара саҳәа ҳәа. Дшәаԥырҳаԥуа даанаԥшы-ааԥшын, ус ҿааиҭит:
«Ленин ииҳәоз акәын иҟаиҵоз ҳәоуп дшырдыруа, аха иара акы
иҳәон, даҽакы ҟаиҵон. Иаҳҳәап, аерманы револиуционерцәа
рԥыза Шаумиан иахь ииҩыз шәҟәык аҿы иҳәоит, адгьылқәа
шәаҳҭоит анхацәа, азауадқәа аԥшәымацәас шәроуеит аусуцәа
ҳәа, зегьы шшәаҳҭо, зегьы шәара аԥшәымацәас шәшауа ҳәа
ажәа рыҭ, ижьа, иҳадгылартә иҟаҵа, знык амчра ҳнапаҿы
иаҳзаагар, нас емпытоуп ираҳҭо» ҳәа.
Ҳәарада, сеиҳа здыруаз ииҳәаз смаҳаит. Сизгәааит.
Октиабртәи ареволиуциа дуӡӡа аныҟалаҵәҟьа, аухаҵәҟьа
афабрикақәа аусуцәа ирыҭатәуп, анхацәа ирыҭатәуп адгьыл
ҳәа адекрет здызкылаз, уи адекрет знапала изҩыз Владимир Илиа-иԥа изыҳәан асеиԥш аҳәара шԥеигәаӷьӡеи. Имцуп
ииҳәаз.
Аиаша мцны избауа, амц иашаны исаҳауа, сыхшыҩ
аадырҳәхьан.
Аԥсуа театр аҿы иқәдыргылеит спиеса «Аҳақ ашәара».
Адырҩаҽныҵәҟьа «аҟаԥшьқәа» рнапала, ацензура иааннакылеит. Афишақәа кыдыжәжәаны икарыжьит. Владимир Илич
Ленин дыҟазҭгьы, асеиԥш сзыруамызт. Ҳара акыр ҳақәызҭгьы,
уи ирласны дыԥсуамызт сҳәеит.
Ажурнал «Новый мир» аҿы ирыдыркылеит сажәабжь
«Ахьча иҳаҭхәыжә». Агранкақәа сзаарҭиит. Иарбан номерыз
иахьанылозгьы сарҳәеит. Сгәырӷьаҵәа сыҟан. Уи, А. Твардовски
напхгара ззиуаз ажурнал аҿы акьыԥхьра хьыӡ дуун. Иахьагьы
иҵәахны исымоуп ԥошьҭала ажурнал «Новыи мир» аҟнытә агонорар шсоуз атәы зҳәо ашәҟәыбӷьыц. Сыԥшуп, сгәырӷьара ансызнымкылалак, аҩны иҟоу лҿгьы снаҽхәа-ааҽхәоит.
Ажурнал ҭыҵны иааит, сажәабжь абаҟаз. Ашьапы
наҵнаҟааит ацензура.
Сыззаӷьуадаз, сзызхьуадаз? Иаӷацәагьы рацәажәашьа
идыруан,иҿагылаз пату рықәиҵон,реиҳа иаӷаз Троцкиҵәҟьагьы
деиқәирхеит, шьыри, Владимир Илич даҽа ԥыҭрак дыҟазҭгьы,
иахьа саргьы абас исзымныҟәартә иҟаиҵон уи сҳәеит. Ииашоуп, Ленин ихаан ирыдыркылахьан ацензура азыҳәан
ақәҵара, аха уи аамҭала акәын. Иара данԥсы, аамҭалоуп ҳәа
ииҳәаз, иаамҭадаитәит Ԥаҵақьала. Убри ашьажәҩы иоуп зегьы зхароу. Никита Хрушьчов азнык азыҳәан иааиркәадеит
ацензура, Владимир Илич днаизааигәахеит (бзиара хәыҷык
ааҟазҵоз, ҳәарада, уи иакәын иззааигәахоз), имҩа днықәлеит.
Аха ашьҭахь иус назыгӡоз ирымуит. Уи данахырҳәа, Леонид
Брежнев, ацламҳәа ҿамҟәыџь, ацензура аҟны Владимир Илич
имҩа зынӡаск днаныҵит. Ԥаҵақьала диеиԥшхеит. Иаҳзамуит
Владимир Илич дыҟазҭгьы, ас иҟаломызт ацензура.
Абас санхәыцуаз, агәаҟ, зыхшыҩ аадырҳәхьаз, иабаздыруаз, исоуҳәаргьы агәра згома, сымҩақәа зкуаз иара, зпатреҭ
сҵырҟа џьыба иҭоу, Владимир Илич гәакьа ихаҭа шиакәу.
Аамҭала ҳәа акәӡамзаап ацензура азыҳәан ақәҵара шидикылаз, ацензурагьы асовет мчгьы аҵла амахәҭеи аԥашәи реиԥш
акәзаап ишеидҳәалоу, еидызҳәалазгьы сылашара, свожд
иакәзаап.
Абар исцәыҵәахыз, уи ииҳәаҵәҟьаз! «При советской политической системе дать свободу слова и печати – значит, покончить жизнь самоубийством».
Абри санаԥхьа, сзеиԥшрахаз атәы иҳәаны далгахьан
апоет-агении А. С. Пушкин.
Иажәеинраала ссир «Акасы еиқәаҵәа» проза бызшәала
иахьеиҭасҳәо азыҳәан инаур аҿаԥхьа аҭамзаара шьҭасҵап.
Сара санқәыԥшыз, ауаҩы игәрагара ансзымариаз,
иҳәоит ажәеинраала алирикатә персонаж, бырзен ԥҳәызба
ԥшӡак слыҿхагаахо бзиа дызбон. Ҽнак сҩызцәеи сареи ифоижәуа, сгәырӷьо сыштәаз, ауриак дааҩнаххын, ус насеиҳәеит:
уара араҟа уҩызцәа урылагәырӷьо утәоуп, убри аамҭазы
улыԥсахуеит убырзен ԥҳәызба ԥшӡа ҳәа.
Дышԥаизныҟәеи аиаша иазҳәаз? Ашәиԥхьыӡ наизикит.
Владимир Илич иакәӡам, уи иажәақәа зкьыԥхьыз роуп
раԥхьа сзызгәааз. Уигьы нацлеит сгәы иҭаҳаз ахьанҭара. Уаҳа
исзышьҭымхуа аҟынӡа саннеи, исгәаласыршәеит ҳаамҭазтәи
философк ииҳәаз. Абаандаҩцәа рыгәҭаны аира, азҳара
лахьынҵас иуоур, иҳәеит уи, ушыхәыҷу урҭ рашәаҳәашьа
уҵоит, рыкәашашьала акәашара уалагоит. Аха уи иаанагом, уԥсы ахьынӡаҭоу абаандаҩцәа рашәақәа уҳәалароуп,
рыкәашашьала укәашалароуп ҳәа.
Уара насыԥс иуԥхьаӡома, уԥсы ахьынӡаҭоу, абаандаҩцәа
ашәа рыцҳәара, рыкәашашьала акәашара? Ибаандаҩӡам,
шьауардынҵас рхы иақәиҭуп уҳәама? Шәеигымхааит,
шәеицыкәашала, шәеицышәаҳәала. Уара хақәиҭрас иуԥхьаӡо,
сара бахҭас исыԥхьаӡазар, сахыумшьаан.
Ҵарауаҩык иԥхьаӡеит. Ажәа «асоциализм» ҩажәи жәаба
ҵакы амазаап. Ҩажәи жәабаҩык неидыртәаланы, асоциализм
зыхьӡузеи ҳәа уразҵаар, ирҳәо еиқәшәаӡом. Исоциалисттә
ҳәынҭқарроуп Швециа. Ацензурагьы ыҟам, ишырҳәо еиԥш,
хшла рҽыркәабо ибеиоуп. Исоциалисттә ҳәынҭқарроуп Куба.
Шықәса ҩажәа ҵит акарточкақәа рыла ача рырҭоижьҭеи, ацензура шәҭыкакаҷуеижьҭеи. Иарбан социализмыз ҳара иҳамаз?
Иара усгьы, иахьӡыз шықәса хынҩажәи жәаба ҳахьынхоз
аҳәынҭқарра?
Слымҳа иҭаҩуеит исымазкуа ирҳәаша. Иахьӡыз зуҭахузеи,
зегьрыла ҳҭәы-ҳаԥха ҳаҟазҭгьы.
Зыҩны амца ацраҵаны зыҽзырԥхоз ҳаиҩызан. Ԥсабаратә
беиарас иааҳамаз зегьы ҭины, хәшала ҳчон. Иаҳҭиуаз анынҵәа,
аӷәцәмаҟьа ҳаақәтәеит.
Иахьӡыз зуҭахузеи, ажәларқәа рнапы еикәршаны
инхозҭгьы, шьакаҭәара ыҟамызҭгьы ҳәа игоит даҽа бжьык.
Реиҳа ҽԥныҳәас иҟарҵогьы убри ауп.
Атоталитартә режим ықәӡааит, абахҭа агәашәқәа аатит.
Аха адәеиужь иқәлаз, ахақәиҭра знымаалаз, аибарԥсра иалагазар, атоталитартә режим ахьықәӡааз, абахҭа агәашәқәа
ахьаатыз иеигәырӷьаз, иақәныҳәаз ауаҩ ихароузеи?
Даҽакгьы. Асоциализм авариантқәа рахьтә иреицәаз
ҳара ҳҿы ишыҟаз еиԥш, уажәы ҳара ҳҿы иҟоу, иаҳзааиз, адемократиа ахьӡырҵазар ацәа ԥырҽитоуп. Адунеихаан асоциализм ҳгәы ахымло ҳшыҟарҵаз еиԥш, адемократиагьы ҳгәы
ахымло ҳҟарҵоит. Иацтәи амш ҽеимызт ҳәа уҳәазар, уи иаанагом иахьатәи амш ссируп ҳәа уҳәазшәа. Абарҭ ацәаҳәақәа
ананысҵо аамҭазы иахьӡузеи уахьынхо аҳәынҭқарра
ҳәа усазҵаар, аҭак аҟаҵара сыхшыҩ азхом. Иуаҳауа акы
заҵәыкоуп. Аџьармыкьатә еизыҟазаашьахь амҩа ҳақәуп. Ус
анакәха, аџьармыкьахь ҳцоит. Ҳахьнеиша ҳаннеилак, ҳнеиуеит
аџьармыкьаҿ. Аџьармыкьатә ҳәынҭқарра шьақәҳаргылоит.
Ааи, аха адунеи аҿы иҟамлац, егьыҟам усеиԥш аҳәынҭқарра.
Иҟамлацзааит, егьыҟамзааит. Ҳара иҟаҳҵоит. Ҳаҿызаауеит
хынҩажәи жәабаҟа шықәса. Нас ҳаахынҳәны, уаҩы имаҳац,
иимбац даҽакы ҳалагап.
Сара издыруа акоуп, асоциализм ҳбазар аҳа, ҳара
ҳабиԥара, ҩынҩықәра наҳҵыргьы, адемократиатә ҳәынҭқар­
раҿы анхара разҟыс иҳауам.
Афранцызцәа ирҳәоит абасеиԥш. уара апровинциаҿы
уизар, иузҳазар, ашьҭахь нхарҭас иалухызар Париж, уара
ухаҭагьы, уара иухшазгьы интеллигентхашьа шәымам. Интеллигентхо уара умаҭа иакәхоит ҳәа.
Ҳаамҭоуп исгәалазыршәаз. Уара уабду арреволиуциа
азыҳәан дықәԥозҭгьы, уара уаб абеиацәа ирҳәуазҭгьы, уара
уашьеиҳаб КПСС ада ԥсҭазаара ыҟам ҳәа дхәыцуазҭгьы, уара
ухаҭагьы уи уалазҭгьы, уажәы уалҵзаргьы, уалымҵызаргьы,
сдемократуп ҳәа егьа ҿуҭыргьы, ҿумҭӡаргьы, ухала уакәым,
иухшазгьы ицәыцәгьахоит адемократхара. Издыруада,
умаҭа дыздемократхар. Анцәа иҳәааит сҩашьауа, аха сара
агәра ганы сыҟоуп, ҷыдала иаҳгозар Аԥсны, адунеихаан
идемократиатә ҳәынҭқарраны ҟалашьа амам ҳәа. Асоциализм
гәакьа, ҳпартиа ҳалашара Аԥсны убасеиԥш иҟаз ацәгьарақәа
азнауит, ахаҿы убас еицанакит, адунеихаан ашьара изықәмло,
абӷа азеиҵымхуа. Адемократиатә алхрақәа Аԥсны ишанымаало еиԥш, апарламенттә напхгарагьы, сгәанала, Аԥсны ианаалом. Иԥшаатәызар ҟалап даҽа формак.
Ҳазыхынҳәып афранцызцәа ражәаԥҟа. Иацы ақыҭаҿынтә
Парижҟа уаазар уинтеллигентны ушзыҟамло еиԥш, иацы
апартиа уаалҵны, иахьа демократхашьа умаӡам. Иацы апартиеи «аҟаԥшьқәеи» ицхрааны идепутатхаз иоума, иахьа
адемократиатә закәанқәа здызкыло?!
Аҳәара, аҩра зылшо изыҳәан, аамҭа ссирҵәҟьа ҳҭагылоуп.
Сара ибзианы сахаануп абольшевикцәа рмафиа реиҳа
аизҳазыӷьара, реиҳа ашәҭымҭа. Аха сара сахаанымызт, исыздыруамызт уи амафиа иааишьахаз, ашьапы ақәгылашьас
иҟанаҵаз. Убри аҟнытә, шәҟәыҩҩык иаҳасабала, даараӡа
исҭахын, шәҟәы-быӷьшәыла акәымкәа, салагыланы салаԥшыр,
слымҳала исаҳар, сыблала избар, ицаз амафиа ахаҭыԥан, аира
иаҿу амафиа ҿыц иааишьахо иазҳашьахо, ажәлар ржьашьас
иҟанаҵо, иаӡбақәо, аламыс аҳәаа шаҟа иахысуа, ишеидгыло,
цәгьарак еицыҟарҵацыԥхьаӡа ишеиднакыло, ажәлар иреиӷьу
рыгәҭыхақәа ишрылахәаахәҭуа, ауаа ламысқәа ишрыгәҭасуа,
ирзаарго, ажәакала, жәибжь-жәаа шықәсқәа раан иҟалаз,
иаҳа иаахәыҷны акәзаргьы, зыҟаҵара иаҿу агәылаԥшра.
Убри азыҳәан иреиӷьу акакәны исыԥхьаӡеит адепутатцәа
ралхшьа амҩаԥысшьа агәаҭара, агәаҭара акәым, алахәра.
Уаҟа сызлаԥшыз, аԥсҭазааратә материал еизызгаз, убасҟак
ирацәоуп, шәҟәык ыҟоуп. Урҭқәа зегьы араҟа иаҭахым. Иаазгоит акы заҵәык.
Хыхь ишысҳәаз еиԥш, уажәааигәа Аԥсны «аҟаԥшьқәа»
русура ааныркылеит. Уи рыӡбуан асессиаҿы. Аԥсны, ишдыру
еиԥш, ақырҭуа шовинисттә, колониатә политика амҩаԥгаразы
аштаб хадақәа ируакын «аҟаԥшьқәа» рыштаб. Аԥсуа жәлар
ирзеицәаз аполитика акәын уи имҩаԥнагоз. Аха иҟан, иахьагьы иҟоуп урҭ аус рыцызуаз аԥсуаа, ҳәарада, уаҟа аус зуаз зегьы аԥсуаа ираӷацәан ҳәа сҳәом, аха иаахтны уаҟа аус зуаз
раҵкыс, ажәлар ирзеицәаз аполитика мҩаԥызгоз, маӡала
агентцәас ирымаз роуп.
Абиблиаҿы, ижәдыруеит, иҟоуп убасеиԥш ажәабжьк.
Ауриацәа тәцәас иҟарҵеит мысраа. Акырӡа шықәса урҭ уаҟа
тәцәас ирыман. Абиԥарақәа ииуан, ирызҳауан. Ршьа иалалон атәра. Уи аамышьҭахьгьы даҽа ԥсҭазарак ыҟоуп ҳәа
рыхгьы-рыгәгьы иҭамызт. Абас ишааиуаз, ауриацәа дрылиааит Моисеи. Уи ижәлар атәра иацәигеит. Мысраа ирымпыҵихит.
Тәцәас иахьыҟаз атәыла иацәцеит. Аха аҟәыӷа ду Моисеи
ибеит цәцашьа амамкәа ижәлар ирзынхаз даҽакы. Мысра ииз, изызҳаз зегьы ршьа-рда иалаҽын атәра. Атәрада
даҽа ԥсҭазарак ыҟамкәа акәын ишырбоз. Убри ршьа-рда
иаламцакәа, ижәлар адунеихаангьы хақәиҭра рыманы
иҟаломызт, дгьылкгьы налхны анхара-анҵра иаԥсамызт.
Иҟаиҵазеи Моисеи? Ҩынҩажәа шықәса ацәҳәырақәа,
асазанрақәа дрықәын ижәлар иманы. Мысра атәра ианаҭаз
раџьал ааны иԥсаанӡа, ныҟәаран дызҿыз. Инирҵәар, агәнаҳа
ҟаиҵон. Ашьа карҭәар, шьала ахақәиҭра изаагомызт. Раџьал
ааны, атәра злаҽыз зегьы анԥсы, хақәиҭрала ииз рымацара
ианыҟалоуп, рыԥсадгьыл ахь ианирхынҳә.
Сара исыздыруам шаҟа шықәса амҩа ҳақәхауа адемократиахь анеиразы, иҟалоит ҳзымнеиӡаргьы, адиктатура
хынҳәыргьы.
КПСС ахьықәыргаз уеигәырӷьоит, ухаҭа уахьалаз агха
ҟасҵеит, саҭашәымҵан уҳәеит, ус анакәха, уадгылаҩуп СССР
ахыбгалара, амилаҭқәа реибашьра рҳәоит џьоукы.
Иааркьаҿны.
КПСС ыҟаӡамызт, СССР ҳәа ҳәынҭқаррак рыԥхыӡгьы
иаламшәацызт аурыс империаҿы иқәынхо ажәларқәа
аиҩызара анрыбжьалахьаз, КПСС-и, СССР-и абаҟаз аурыс генерал Аԥсны дааны аԥсуаа ҳзыҳәан алфавит анаԥиҵоз, аԥсуа
школқәа анаадыртуаз.
Слымҳа иҭаҩуеит аҿыҭбжьы: «Амҳаџьырра ҳзаазгаз,
аԥсуаа ықәызцаз аҳәынҭқартә Урыстәыла азыҳәан абзиа
шԥоуҳәауеи?!»
Ҩ-ажәак рыла ираҭаҳкып. «Аҳәынҭқартә Урыстәыла
аԥсуаа реиҳараҩӡак рыдгьыл иқәнацеит, ииашоуп, аха КПССтә Урыстәыла аԥсуаа рыԥсадгьылаҿ ишыҟаз амҳаџьырра
аҵкыс иеицәаз рзаанагеит».
СССР хыбгалазар, КПСС изықәнаргылаз ауасхыр
ӷәӷәамызт, ибаахьан ҳәоуп иаанаго.
Амилаҭқәа еибашьуазар, КПСС еиҿанажьитоуп, уаҩҵас
еидынхалартә иҟанамҵеитоуп.
Амлакра атәы. Изыҟамлозеи, иаҳҳәап, Франциа амлакра?
Зныкымкәа, ҩынтәымкәа, миллионла ауаа нҵәартә, амлакра
зыҟалозеи ҳара ҳҿы жәибжь шықәса раахыс? Уажәгьы амлакра зыҟоузеи? Изхарада? Асистема иахароуп. Сара исыздыруам, ауаатәыҩса рҭоурых аҿы иҟалахьаны ҳәынҭқаррак,
ҳара ҳҟны еиԥш, ауаҩы хныҟәгагас имоу, иан лаамышьҭахь
аԥсҭазара изҭо арахә ӷас иахьыҟарҵахьоу. Жәашықәсала
аҳәынҭқарра ашьапы аҵырҟаауан, реиҳа изықәгылаз
ашьаҟақәа ҩба – арахә рааӡареи адгьыл ақәаарыхреи
гәхшәарҭас ирҭеит анхаҩы.
Амлакра абаҟаз, ҳҭәы-ҳаԥха ҳаҟаӡамыз Брежнев ихаан
рҳәоит џьоукы. Иааҳрыхуаз акәӡамызт ҳныҟәызгоз, иҳамаз
ҳҭиуаноуп. Ҳалгеит, ицәҳарҳәит ҳаԥсабара, иааҳзыҭиуаз
ҳҭиит, иаанхаз уаҩы имыхәо иҟаҳҵеит. Зан дҭины ачара зуз
ҳаиҩызахеит.
Ҳазыхынҳәып аханатә ҳазлацәажәоз ахшыҩҵак.
Иабантәаауеи ҳзымҽхазкыз ацәымӷра, ихышхыҵәаз
агәаӷ? Иҳаларааӡаз аҟазшьа хада аҟнытә. Уара уԥсы шҭоу
џьанаҭ уҭаларц азыҳәан, меигӡарахда ауаа џьаҳанымҟа
иушьҭыроуп. Шаҟа аӷацәа уԥшаауа, убасҟак уара уԥсҭазара
еиӷьхоит. Амла уакыма, изхароу дуԥшаароуп, душьыроуп. Амаҵура бзиа умоузар, изауз ицәгьа уҳәароуп. Анцәа
баҩхатәра улаимҵазар, уи злеиҵаз уизашшыроуп, нас уаргьы
абаҩхатәра уоуеит, еихышәшәо ажәеинраалақәа рыҩра уалагоит. Уара акгьы ухараӡам, зегьы зхароу даҽаӡәы иоуп.
– Ацензура ахьаԥырырхыз, акьыԥхь апартиа ахьа­
хыламԥшуа уамеигәрӷьоз, ишԥоубеи уажәы иузыруз?!
Иуқәнамгаӡои?! – иҳәеит сҩыза шәҟәыҩҩык. Аӡбахә ҳаман,
зхы пату ақәызҵо, ихы иаҭәашьаны иимҳәаша ажәала иҩыз,
аԥсуа газеҭ ианыз статиак.
Лафшәоуп сҩыза ишиҳәаз, аха сара ииашаны аҭак
наисҭеит:
– Мафиак ахьықәӡааз сеигәырӷьазар, уи иаанагом,
даҽа мафиак ааироуп, ажәлар даҽа џьоукы иржьалароуп,
идырҳәлароуп ҳәа сҳәазшәа. Убри акы. Иҩбахаз, апартиатә
цензура ахьаԥырырхыз сеигәырӷьазар, ҳаҭыр зқәу аҩыза, уи
иаанагом, ауаҩы иҿашәалак акьыԥхь аҿы аҳәара азин имоуп
ҳәа сҳәазшәа, акьыԥхь иахагылоу, рнапы иаку абџьар шьаугас,
аинтеллигенциа реичырчагас, ргәыԥхҭра аарԥшыгас ирымазааит ҳәа сықәгылазшәа. Зыӡбахә умоу, упату схы иқәуп, аха
агәыԥхҭ иҭыҵыз, анапы ҟаԥшь иаҩыз, џьоукгьы еигәырӷьаҵәа
иркьыԥхьыз еиԥш иҟоу астатиа анылазҭгьы, реиҳа
идемократиатә ҳәынҭқарроуп ҳәа ззуҳәауа ҳәынҭқаррак
аҿы, изҩызгьы, изкьыԥхьызгьы аус иақәдыршәон. Ҳара уажәы
ҳҭагылоуп убасеиԥш иҟоу аамҭа, адиктатура анықәӡаа, ианхыбгыла, аха адемократиа ҳашҭа аҵыхәангьы ианымааиц. Ҳара
ҳаамҭа иахьӡуп ахаос. Иарбанзаалак закәан ҳәа акгьы ыҟам,
ирыдыркылазгьы акгьы аус ауам, баша ақьаад иануп. Арҳәреи
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2114
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2172
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3334
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2343
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2249
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2187
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2176
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2177
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3377
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2162
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2211
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2207
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2271
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3296
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3311
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2202
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2296
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3408
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3367
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2221
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2156
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2054
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2216
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3333
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2174
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3272
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2076
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3349
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 22
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20