LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32
Süzlärneñ gomumi sanı 3333
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2174
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
шәрылырцо иҟаҳҵоит ҳәа.
Иаазгоит ҿырԥштәык.
Уажәааигәа аҟәаа зегьы ршьапы иқәнаргылеит, Аԥсны
зегьы аӡбахә ахыҵәеит уск. Аҟәа арион ҿыц аҿы идыргылаз
ҩны ҳаракык, етаж рацәала иеихагылоу, иргыланы ишалгара иалгаанӡа, рхала, ашәқәа ԥжәаны ауаа ҩналеит. Иҩналаз
зегьы аԥсыуаауп ҳәа ансаҳа, ацәгьара ҟарҵазар, рахьырхәра
сылшауам, аиаша ҟарҵазар, срыдгылеит ҳәа акыр схәарҭоума,
аха уеизгьы иҟалаз еилыскаап ҳәа снеит. Маҵурауаа
дуқәак, аԥсыуаак, рыԥсахы ԥыжәжәо, рӡамҩақәа ҭыҵны ицо,
ашҭа иқәгылоуп. «Ҳдырԥхашьеит. Аԥсуа ианбыкуз атәым
иҩны даныҩналахьаз. Аишәачыс рхианы игылазар, зныки
ҩынтәи иоуҳәеит ҳәа, егьа амла дакуазаргьы, дахатәомызт.
Ҳаиаӡаахьеит, аԥсуаа ҳәа ӡәыр дыҟоума!» – даӷьӡоит руаӡәк.
Аиашазы, даараӡа исцәымыӷхеит. Ииуль азыҳәан
ақырҭқәа аԥсуаа ишҳақәлазгьы, иаарҳәны, ҳара, дара
ҳрықәлазшәа аҳәара иаҿуп. Уажәы ари аҩыза афакт анроу,
адунеи иахдырҵәоит, ҳарԥхашьоит сгәахәт. Аха цқьагьы агәра
сызгомызт.
Иеилкаауа сҿынасхеит.
Аҩны дыргылеит егргесаа.Идыргылеит Аҟәа акәым,
Аԥсны инымхаӡо рзыҳәан. Избан? Аменшевикцәа рполитика
анагӡаразы – егрынырцәынтәи иааганы рнырхаразы. Аҩны
аанызкылазгьы аԥсуаа рымацара ракәӡамзаап, аинтернационализм ҟалазаап..
Исгәалазыршәаз, абраҟа сзалацәажәаз, убри аҩны Аҟәа
аргылара азин анрырҭауаз, Аҟәа ақалақьтә Совет иахагылаз,
хымԥада, даԥсуан, избанзар, шықәса ҩынҩажәа рҟынӡаахыс
уаҟа иахагылоу аԥсыуаауп. Убри ауаҩ дааилкааны, абри
аҩыза ацәгьара ҟауҵеит, уара узакәу шаҳдыруа уҳардыруеит,
Аԥсны уҭиит ҳәа иаҳәатәӡами? Иазҳәода?
Рышьхәа
еивҵоуп
иаҳԥырхагоу апатуеиқәҵареи,
ҳаицәыԥхашьаны, аиаша аибымҳәареи.
Азҩа зӡаз, иан дагеит рҳәеит.
Сҩызцәа ашәҟәыҩҩцәа иумҳәар акәын ҳәа исаҽԥнырҳәаргьы, зҵаарак салацәажәарц сҭахуп. Абраҟа иаҭыԥны,
ианаалоны избоит.
Зегьы ҳақәшаҳаҭуп акы. Аԥсуа шәҟәыҩҩра аныҟамлауа
аҽны инаркны иӡуеит, иҟалом аԥсуа милаҭ. Аҵәы налазҵогьы
дубап, ашәҟәыҩҩра анҳамаӡамызгьы аԥсуаа ҳаҟан ҳәа.
Ашәҟәыҩҩра змам, иаԥызымҵац ажәлар, ашәҟәыҩҩра
аԥҵарахьы амҩа иқәуп, урҭ милаҭҵас ишьақәымгылац,
раԥхьаҟа ирзыԥшуп. Аха ашәҟәыҩҩраҿы знык инеины, акыр
шықәса ирыманы, дара рхаҭақәа рыԥсы ҭаны адунеи ишану, рхатәы бызшәала ашәҟәыҩҩра анырцәыӡ, уинахыс хазы
милаҭк аҳасабала рыӡбаахә уаҩы изҳәом, ирыхьыӡхалоит:
«Иҟан абасеиԥш амилаҭ» ҳәа. Урҭ иеиԥшхоит, акыр шықәса
аҵеи изыԥшыз анхаҩы, аха аҵеи ссир данихша, игаӡара
иахҟьаны, зҵеи ахьҭа дагаз.
Аурыс кьыԥхь аҿы иаахтны акырынтә иалацәажәахьеит
ашәҟәыҩҩцәа рматериалтә ҭагылазаашьа. Ҳара ҳҿы, акьыԥхь
аҿы акәым, еизара хәыҷыкаҿы иуҳәаргьы, ихы иҭоу аԥароуп
ҳәа, уцәа ааухырхуеит. Асаби ихаҭа имҳәеит ахьҭа сакуеит,
сзырԥхаша акы сықәҵа ҳәа, аб ҿимҭӡеит, аӡәгьы иеимҳәеит
ахәыҷы унаихылаԥш, ахьҭа дагоит ҳәа. Иҵәҩаншьап ааҵихит.
Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҭагылазаашьа иаҳа уаҩы иеиликаарц азыҳәан, арҵаҩцәа рҳәашьа, алаԥшҿабатә хархәагас иаазгоит ҿырԥштәык.
Иреиҳау цәаԥҽыгоуп адоуҳатә мали аматериалтә мали
реидкылара, аха зынӡаск ицәаԥҽыгоуп, ауаҩы ишьаиҵауа
аимааи реиҿырԥшра. Адоуҳатә беиара арҿиаҩцәа шәҿаԥхьа
аминауаҭра заа ишьҭасҵоит.
Уажәааигәа дәқьанк сныҵалеит. Акомиссиатә ахьӡын, аха
уи аргамаду бжьахәаахәҭратә дәқьанын. Ҳара ҳҳәынҭқарра
акы ахьӡны, иара, иаҳзымдырӡауа, даҽакала ишыҟоу еиԥш, арҭ
иреиԥшу адәқьанқәа, акы рыхьӡуп, изҿыҵәҟьоу, изакәыҵәҟьоу
даҽакуп.
Еимаақәак сылаԥш нарықәшәеит адәқьанаҿ. Ашьапылампыл асразы аԥхьахә зго ҳәа адунеитәи ачемпионат Италиа ианымҩаԥысуаз, телехәаԥшрала, иныбжьаршәны, арекламаз, иҳаманы иааҳамхәозшәа, ҳгәы ԥыржәаларц, амла
иакуа аҿаҵа иқьышә инықәкны, уара уҿы инҭоуҵар еиԥш,
иааҟәымҵӡакәа иаҳдырбон убарҭ ашьаҵақәа. Афирма «Адидас». Ҟәрышьқәак сџьыба иҭоуп, ампыл асра акәым, напык
иамоу анацәкьарақәа раҟарагьы астадион аҿы сымнеиц, аха
абжьааԥны исышьасҵалар иабаԥырхагоу сгәахәын, ислыркырц слыҳәеит аҭиҩы. Сара сзыҳәан ирӡахыз џьушьап.
–Заҟа иаԥсоузеи?
– Абар ахә ахьану,– лҳәеит аԥҳәызба, асовет хәаахәҭраҿы
изласымбаӡац ала, аахәаҩ ҳаҭыр сықәҵауа, дысҿаԥхаҿаччауа. Ақьаад бӷьыц снахәаԥшит. Агәра сзымгеит.
– Ииашаҵәҟьаны зықьи хышә иаԥсоума?
– Убриакоуп инхаз, хәба сыман. Ашьыжь иқәсыргылан,
инҵәахьеит.
– Иҭабуп, быххь згеит.
Снеиуан аԥсуа шәҟәыҩҩы иҭагылазаашьа сазхәыцуа.
Ҩышә даҟьа маҷк иацны иҟоу ашәҟәы, аҭыжьырҭатә
бызшәала иуҳәозар, жәа кьыԥхь бӷьыцк инаӡауа аҭыжьырҭа
даараӡа изыбзиахар, хәԥсас иақәырҵоит х-нызқь мааҭ. Уи
ашәҟәыҩҩцәа бзиақәа, иеицырдыруа ҳәа ирыԥхьаӡауа
рҩымҭақәа. Х-нызқь рҟнытә, амцхә уоуит, убеиахоит ҳәа,
аҳәынҭқараа наимпыҵасны, алагалатә шәахтә нахьыӡҵаны,
аҟыԥ ҳәа иаахырхуеит хышә мааҭ. Иаанхоит ҩ-нызқьм
быжьшәы, аха изаанхаз аҟнытә акәымкәа, раԥхьа иаҳҭоит ҳәа
иарҳәаз аҟнытә, ихырхуеит даҽа шәахтәк – апартиа дахьалоу
азыҳәан. Уигьы хышә мааҭ. Изаанхеит ҩ-нызқьи ԥшьышә мааҭ.
Уаҟагьы даанрыжьуам, аимҵәаҩ иӷба иақәтәоу агәаҟ. Раԥхьаӡа
иуқәнагоит ҳәа иарҳәаз, х-нызқь мааҭ ҳәа дандыргәырӷьаз
аҟнытә еиҭа, даҽа шәахтәк идыршәахуеит – азанааҭеидгыла
дахьалоу азыҳәан. Инеихырхуеит даҽа хышә мааҭ. Изаанхеит ҩ-нызқьи шә-мааҭк. Реиҳа ирацәаны иҩуа шәҟәыҩҩызар,
ҩышықәса рҟнытә зныкоуп ашәҟәы анизҭыҵуа. Уаҳа алшара
амам аԥсуа шәҟәҭыжьырҭа.
Ҳаиасып уажәшьҭа аимааи ашәҟәи реиҿырԥшрахь. Ҩышә
даҟьа иҟоу ашәҟәы ҭзыжьыз аԥсуа шәҟәыҩҩы изаахәаӡом
афирма «Адидас» иҭнажьыз аимаақәа ҩба.
Иааҳгап даҽа ҿырԥштәык. Шамахамзар, аԥсуа
шәҟәыҩҩцәа зегьы амаҵурақәа ирылоуп. Урыстәылеи,
Қыр-ҭтәылеи, шамахамзар, ашәҟәыҩҩцәа амаҵурақәа ирылаӡам. Иҟалазеи, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ҳкариеристцәоума,
акабинетқәеи амчрақәа ҳампыҵакреи бзиа иаабауама?
Аԥсуа шәҟәыҩҩы амаҵура даламлар, амза анаанҵәауа
уалафахәык имоур, ихы изныҟәгауам. Арахь амаҵура иаамҭа
ахьицәагауа иахҟьаны, ииҩырц ииҭаху, абжагьы изыҩуам,
ииҳәарц ииҭаху, игәы ишҭоу инҭаԥсуеит. Амаҵура дахьалоу
ичҳап, уи амаҵурагьы уаҩҵас дазныҟәнагондаз. Даҽаӡәы
ҿырԥштәыс даазгар игәы нсырхар ҳәа сшәоит аҟнытә,
схаҭа схы ҿырԥштәыс иаазгоит. Иаарыцқьаны шықәсабжак
уалафахәыс исоуа, мааҭк ахымхкәа исҵәахуазар, нас даҽаӡәы
исиҭар, ма џьара исзырҳар шә-мааҭк, убасҟан иаахәаны
исышьасҵоит хыхь зыӡбахә сҳәаз аимаа. Убасеиԥш иҟоу
ҩ-еимаа заҵәык рзыҳәаноуп есышьыжь, аҩны, аҩырҭа астол
ааныжьны, уара уаха сымам, амаҵура сазыԥшуп ҳәа икажьны,
усура сызцауа шықәсы наҟьак. Уи сара, маҵурала ирацәаҩны
ашәҟәыҩҩцәа иреиҳау, уалафахәгьы аӡәырҩы среиҳаны
изауа. Уажәшьҭа шәара шәазхәыц егьырҭ рҭагылазаашьа
зеиԥшроу.
Аԥсабара ирнаҭаз, рыжәлар рымаҵ аура иазыркышаз
рбаҩхатәра абжа аиҭабжагьы рзаамырԥшыкәа, ирҩышаз
рзымыҩӡакәа, дара раҟара абаҩхатәра змам рҩызцәа аурыс
шәҟәыҩҩцәа том рацәала ашәҟәқәа анҭрыжьуа аамҭазы, дара
урҭ рыбжагьы рзыҟамҵакәа, аԥсуа шәҟәҩҩцәа ахьаанхауа
зыхҟьауа абри ауп. Рбаҩхатәра амаҵура ирцәафоит.
Уажәы,
аџьырмыкьатә
економика
аныҟалалак,
рҭагылазаашьа иаҳагьы еицәахоит.
Еиҭаҳҳәахып. Аԥсуа шәҟәыҩҩра аныҟамла, ианеиқәыцәа,
аԥсуаа милаҭк раҳасабала рыӡбахә уаҩы изымҳәо иҟалоит.
Адунеитәи аҭоурых иадыруеит убасеиԥш афактқәа, жәларык,
ҳәынҭқаррак, даҽа жәларык, даҽа ҳәынҭқаррак анапаҵаҟа
ианыҟалалак, атәра ианҭашәалак, реиҳа иеиқәрхатәу, реиҳа
ихьчатәу ҳәа изыхӡыӡаауа рхатәы бызшәала ашәҟәыҩҩроуп.
Аҿырԥштә
азыҳәан хара ҳазцарызеи. Ишьаарҵәыраз
ашәышықәсақәа иргәылсны, иахьауажәраанӡа ақырҭқәа
қырҭқәаны, аерманцәа ерманцәаны иаазгаз рышәҟәыҩҩроуп,
рхатә бызшәоуп. Ианеиҵаха жәантә рыла аԥсуаа ҳаҵкыс
иеиҳауп агырқәа… Урҭ автономиа акәым, аидгылатә республика роуан, асовет аамҭа анааи, рхатә бызшәала
ашәҟәыҩҩра рымазҭгьы, ҳара хазы милаҭуп, ҳхатәы
бызшәа, ҳхатәы шәҟәыҩҩра ҳамоуп, ҳхатәы школқәа
аарттәуп ҳәа рызҳәазҭгьы. Еиҭасҳәахуеит, ашәҟәыҩҩра змауц, иаԥызымҵац, урҭ ртәы хазуп. Уахь амҩа иқәуп, аха уаҟа
инеины изцәыӡыз, рмилаҭтә хәышҭаара неиқәыцәеитоуп.
Иахьатәи аԥсуа шәҟәыҩҩра аҭагылазаашьа уаназхәыцлак,
убри иахҟьаны, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зеиԥшрахаша ҳәа ухаҿы
ианааугалак, уазкылымсыр ҟалом хшыҩҵакык. Аԥсуаа ма
макьана иахьынӡахәҭоу иаҳзеилымкаац ҳхатәы бызшәала
ашәҟәыҩҩра иаҵанакуа, убри иахҟьаны, аԥсуа шәҟәы изыԥсоу
аҟара пату ақәым, мамзаргьы хазы милаҭк аҳасабала ԥхьаҟа
ԥсынҵры ҳамам ҳәа ианышәахьеит, ргәы кадыршәхьеит. Аԥсуа
шәҟәыҩҩра аҿыцәаара амҩа иануп ҳәа сара исзырҳәаз,
ашәҟәыҩҩцәа рматериалтә ҭагылазаашьеи, ԥсабарала рцәа
иалоу абаҩхатәра абжа аиҭабжагьы аадырԥшыртә аамҭа
ахьрымам рымацара ракәӡам, урҭ ирыҵаркуа шмаҷымгьы.
Ирацәоуп изыхҟьақәо, ахәышҭаара аӡы аҵалара иахьаҿу.
Иҟоуп зиааира мариам аобиективтә мзызқәа, аха иҟоуп зиааира усҟак иуадаҩқәам анапы адкылазар, иаарласны уаҩы
иҟаиҵақәаша, аԥсуаа ҳхала иҳалшақәо. Аха урҭқәа зегьы
уаҩы дабарылацәажәауеи, иабеиҳәауеи? Изусҭцәада убарҭ,
аҩны аргылара ҳшаҿыз, иҳазгәамҭаӡакәа, уаҳа изеиқәымлауа,
иҿыцәаар ҟалоит ҳхәышҭаара зҳәауа?
Аԥсуа милаҭ иахьатәи рхьааи, рҭагылазаашьеи, рыгәҭыхеи
Аԥсуа театри, дгьыли жәҩани раҟара ишеицәыхарахаз
иалацәажәода,
иҟашәҵо
закәзеи,
арепетициақәа
зламҩаԥыжәгауа иарбан бызшәоу, асценаҿынтә ишәҳәауа
закә аԥсышәоузеи, ишәцәажәашьоузеи, ҳхатәы бызшәа ҳгәы
ахшәыршәарц шәаҿума, аԥсуа шәҟәыҩра шәышԥазыҟоу ҳәа
разҳәода?..
Уажәааигәа Ауадҳара сыҟан. Агәарԥ аҿы ҳаидгылан
хаҵаки сареи. Анацәеи ахәыҷқәеи ирацәаҩны ашҭа иқәын.
Реиҳараӡаҩык аԥсыуаан.
– Сзызхәыцуа уасҳәап? – ҿааиҭит ахаҵа. – Ҳаԥсуа
ҳәсақәаирацәаҩны рыгәра сызгом… Уаҳа иахысҳәаара сыздыруам. Рхаҭақәа аԥсыуаауп, рхацәа аԥсыуаауп, ирыхшо
аԥсыуа хәыҷқәаӡам.
– Ишԥаԥсыуа хәыҷқәам?
– Мап, лхәыҷы дшаԥсыуам лдыруеит азоуп аԥсышәала
дзимацәажәауа. Иди суда, Ахрик, анылҳәауа, лыҵәҩанах
ҭабгааите, уааи, нан, лҳәар иаҳа иԥшӡаӡами? Аԥсуаа дызрыламгыло, даныҩеидаслак, сыбжамҽамны сзыбааӡазеи ҳәа иан
илаҽԥниҳәартә… Иуҳәозеи уара! – иԥсахы ԥыжәжәон.
Исгәалазыршәаз, убарҭ анацәа, анаҟа-араҟа инеизга-ааизган даҽа формак азырԥшааноума, ҳаҵәҩан аҵхра
шәзаҿузеи ҳәа иразҵаауада?
Аҵыхәтәан даҽа ҿырԥштәык.
1954 шықәсазы аԥсуаа қәԥарала идырхынҳәит раԥхьатәи
ралфавит. Егьи, ақырҭуа алфавит ала аҵара зҵоз, аԥсышәала
изамыԥхьо иаанхеит. Изҵаз ыҟоуп, аха иззымҵазгьы рацәаҩуп.
Убри абиԥара иаҵанакуа иахьагьы амаҵурақәа ирхагылоуп. Ирыхьыз, ирхыргаз еилкаауп аҟнытә, уаҩы иранаижьуеит. Иҟоуп урҭ атрагедиатә шықәсқәа ирхаанымкәа, уадаҩра
дукгьы иақәмшәаӡакәа, аԥсышәала изымыҩуа, изамыԥхьауа.
Иашоуп, уара упаспорт ала уаԥсыуоуп, аха иҟоуп даҽа паспортк – ухатәы бызшәала аҩра, аԥхьара, убри ахьумам
аҟнытә, угәы иалымсын, аԥсуа иахьиҭыԥу амаҵурагьы ҳазуҭом,
ҳхаҭарнаксгьы уаҳзалхуам ҳәа иазҳәауада, убри ԥҟарраны
аҟаҵара зылшауада?
Ишысҳәаз еиԥш, имцу, иаҳԥырхагоу апатуеиқәҵарақәа
шҳамоу еиԥш, иҳамоуп иаҳԥырхагоу даҽакгьы – иахьаҭахыугьы
иахьаҭахымгьы агәеибашаҭара ҟаҵаны, иаахтны аиаша
аибымҳәара. Уи аӡәы дналҵны аҳәара ицәыцәгьоуп, дырралагьы зыхшыҩ азхауа иԥшаара мариам.
Издаҳҵода?
Сгәанала, зыӡбахә сымаз аилазаара, инықәрԥшшәа Ала
мыс зыхьӡысҵаз. Иҟалоит Аԥсуара ахьӡуҵар иаҳагьы ианаалозар. Иаҳҭахума убасеиԥш аилазаара? Ҳахшыҩ неилаҳҵап.
«Алашара», № 11, 1990
ЗЕГЬЫ ДҲАԤХЕИТ
Уи ауаҩ иԥсҭазааратә мҩа анхыркәшаха, сара дахьын
ӡаздыруала, иусқәа еихшьаалауа санизхәыц, зегьраԥхьаӡа
схаҿы иааит ажәаԥҟа: «Аҽы ԥсыр, адәы аҭынхоит, ауаҩы
дыԥсыр – иажәа». Шьоҭа Шьакаиа дреиуамызт ажәа амаҵ азызуа ашәҟәыҩҩцәа, мамзаргьы аҵарауаа. Аха уи ажәаԥҟа иара
изкхоит, ажәа азыҳәан Пушкин ииҳәаз анугәалауршәалак.
«Ажәа – аригьы усуп», –иҳәеит уи. Аԥсуаагьы, ҳәарада, ҵакыс
иарҭаз убри ауп. Иарбанқәоу ажәас, ус дус уи ауаҩ иҭынхауа,
дызхааныз ауаа ҳаҭырқәҵара дула аҵыхәтәантәи имҩахь
инаскьагара даԥсазтәуа, насгьы ԥхьаҟатәи абиԥарақәа
дызларгәалашәаша? Уи ичаԥеит, наӡаӡа аԥсуаа ирхамышҭуа
иҟаҵаны инижьит ҩ-ус дуӡӡак. Раԥхьаӡа аӡбахә ҳәатәуп,
усҟакҵәҟьа инеиужьны ажәлар ирзымдыруа, аха ахааназ
ԥсра-ӡра зқәым, дарбан аԥсуа маҵурауаҩызаалак аӡәгьы
иҟаимҵацыз, иара напхгара азуны, иеиҿкааны, ишахәҭаҵәҟьз
еиқәыршәаны ишырҳәо еиԥш, ахаҳә еиҟәнажәо иҩны
ишьҭеиҵаз аҭоурыхтә документ ду. Зыӡбахә сымоу ирхәанчоу
Аԥсны атопонимика ашьақәыргыларазы жәашықәса ина
реиҳаны уажәаԥхьа иеиҿкааз акомиссиа иҟарҵаз адокумент ауп. Убри акомиссиа хантәаҩыс даман иара, аԥсуаа
рҵеи ду Шьоҭа Шьакаиа. Уи идыруан амаҵурауаҩы изыҳәан
реиҳа ихадаз – аус аҟаҵашьа. Иажәа рацәамызт, аизарақәа
рҿы, шамаха, дцәажәо дубомызт. Сшаԥсыуа патриоту ҳәа
игәы дҭасуамызт, амаҵура азыҳәан, схаҭа исзеиӷьхап ҳәа
Аԥсны дгьыл ҿаҵак имҭицызт, тәымк дааганы дҭеиҩуамызт.
Абна алымҳа амоуп рҳәоит, ауаҩы иусқәа зегьы абнатоура
иаҩызоуп, аха дарбанзаалак дызусҭоу ажәлар заманалаҵәҟьа
ирдыруеит. Шьоҭа Шьакаиа аус ахьааиухьаз, еиҳарак Тҟәарчал
аиҳабыс даныҟаз, мамзаргьы Очамчыра арион данахагылаз,
абасеиԥш ацәгьара ҟаиҵеит ҳәа реиҳа дызцәымӷызгьы фактк
рзаагомызт. Иман даҽа цәаҩа дукгьы, сара еиҳараӡак схызхуаз. Уи иаадыруа амафиақәа дрыламызт. Дрыламызт акәым,
дырҿагылан, даргьы дырцәымӷын, изныкымкәа ихәаҽра иалагахьан. Хыхь зыӡбахә сҳәаз, акариеристцәа амҩа зырымҭаз,
иара хантәаҩык иаҳасабала инапы аҵаҩны иаанижьыз адокумент ду аамышьҭахьгьы, иҟоуп даҽакгьы, даҽа ус дуӡӡакгьы,
сара абри ажәа сзырҳәаз. Уи иаҳа ауаа еицырдыруеит. Абар
уажәшьҭа жәашықәса инареиҳаны аԥсуа делегациак џьара
ицома, мамзаргьы Аԥсны сасцәа дахьқәак аҭаама, иреиӷьу
ҳамҭас ҳәа инаҳдыркуеит афото-шәҟәы ду «Абхазиа». Уи
ашәҟәы атекст рҩит А. Гогәуеи В. Ԥачлиеи. Афотоқәа авторс
дрымоуп Н. Рахманов. Урҭ иҟарҵаз аус ласырҟәуа акәым, аха
иуҳәар ауеит, Шьоҭа Шьакаиа ишәҟәы ҳәа, избанзар ашәҟәы
аира зегьы зыбзоуроу иара заҵәык иоуп. Зегьы еиҿикааит,
зегьы ҟаиҵеит. Маҵурала зегьы дышрылкаамыз еиԥш, аԥсуа
патриотизм аганахьалагьы днарылкаамызт. Аха уи дреиуан
аԥсуара иашаҵәҟьа ҵәатәы шьаҟас иамақәоу, еиқәырханы
изку. Схаҿы иаанхеит аҵыхәтәантәи ҳаицәажәара. Изхысҳәааз
заҳҭахузеи, аҽны сгәы кыдгылаӡаны сыҟан:
– Сара сбырзенызҭгьы, мамзаргьы сауриазҭгьы, мышкгьы саангыломызт, сықәҵны сцон. Изылшода ари зегьы ахыгара, – сҳәеит.
– Ара ушыҟоугьы, ушаԥсыуоугьы емиграциа уцар ауеит. Ус ицақәаз узымдырӡои? Џьоукы иҟагьы иҟамгьы акоуп.
Аҩнуҵҟатәи аемигрантцәа, – иҳәеит дааԥышәарччан, нас
инациҵеит: – Дасу Анцәа дшишаз дыҟазароуп.
Ихсыркәшарц сҭахуп уи ауаҩ иԥсҭазаара аҟнытә
даҽа ҿырԥштәык ала. Азҵаара дуӡӡа ахьыӡбахаз Аԥсны
аҵыхәтәантәи асессиа уаҵәы иҟалараны ишыҟоу, ҳәарада,
зҵаарақәасгьы иқәгылоу, иара иҟазаара шаҟа иаҭаху. Аха
ахатәы ус, ахатәы ԥсҭазаара… Аҽны Иугославиантәи Москва иаараны иҟан уаҟа, Иугославиа ирымоу иԥҳаи имаҭеи.
Имаҭа хышықәса ихыҵуеит. Зныкгьы димбацызт. Урҭ
ҳтәылаҿы ианаанхо, мышкы заҵәык акәын. Ашьыжь иаауан,
ахәылԥаз ихынҳәуан. Дырзыԥшын Шереметиево аҳаиртә
баӷәазаҿы, иаабаны, нас Аԥсныҟа дхынҳәырц. Цас иауазшәа,
иугославиантәи иаараны иҟаз аҳаирплан аара, адырҩаҽныҟа
иахыргеит. Адырҩаҽны зыхьӡыз, ишысҳәаз еиԥш, Аԥсны асессиа аныҟалоз амш акәын. Знызаҵәыкгьы зыбла дҭамԥшыцыз
имаҭа ибара азыҳәан мацара акәмызт, уи асессиахь дмаар
ауан хәы змаӡам даҽак азыҳәангьы. Аҽыхәшәтәразы Москва дыҟазар акәын. Зегьы рыгәхьаа мкыкәа, ауха Аԥсныҟа
дхынҳәит. Илахь еиқәны иуирбаӡомызт, аха ииҳәаз, даара
илахьеиқәҵаган: «Издыруеит смаҭа зны заҵәык иадамхаргьы
дшысзымбо. Агәабзиаразы сусқәа ҽеим. Дара даҽазны ианзаауа, усҟан сара…» Убас егьыҟалагәышьеит.
Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа рҳәеит. Шьоҭа Мама-иԥа
Шьакаиа ихьӡ-иԥша аԥсуаа рҭоурых аҿы инзырхаша аусқәа
иҭынхеит. Иахраҭ бзиахааит.
«Аԥсны ҟаԥшь», 1990
АБЗИА ИҬАХУШӘА…
Ақырҭуа националистцәа ҿахәҳәагас ирымоу агазеҭ «Зариа Востока» (ииун 15, 1990) ианын Тҟәарчал абанк аиҳабы
Нодари Салиа истатиа «Наше главное достоиание» ахьӡны.
Автор излеиҳәауала, аԥсшәа идыруеит. Убри аҟнытә аҭак
иасҳәарц сыӡбеит аԥсышәала.
Устатиа, уара утәала даараӡа иргызмалны иуҩит. Убасҟак
ажәа бзиақәа, ажәа ҳаракқәа уҳәеит, иаԥхьауа ахәыцха
имоукәа, дгәырӷьаҵәа инапқәа узеиниҟьартә. Аха ушнеиуаз, анапеинҟьабжь иалыҩны аԥсуаа ираҳарым анугәахәуаз
аамҭазы иуҳәарц иуҭахыз, угәы иҭаҵәҟьаз ажәак ҩажәак рыла
иныбжьауршәит, иара ус иааумҩатәшәа, ҽынла илашоуп, мамзаргьы уахынла илашьцоуп ҳәа уаҩы иҳәар еиԥш.
Ах, шаҟа игәырԥшаагоу ажәақәоузеи уи ухшыҩҵак хада
злаҭауҳәҳәаз! Уара иуҳәоит: «Не лучше ли люди дорогие,
вместо того, чтобы спорить о том, кто пришел первым на эту
грузинскую землю, заниматься изданием интересных самоучителей и словареий, поставить дело так, чтобы люди сами
тянулись к изучению языка, богатств культуры своего соседа»
Гхас иухьыз, абанк аиҳабы Салиа, аԥсуаа ажәа ԥшӡақәа
расҳәар, нас ани, сара исҳәарц исҭаху, ныбжьасыршәыргьы,
усҟак рыхшыҩ азырышьҭуам ҳәа уӡбеит, аха иҟалаз уи
ауп, шықәсык, ҩышықәса раԥхьа иубац ракәӡам аԥсуаа,
урҭ акырӡа рҽеиҭаркит. Аԥсуаа рысасдкылара, уаҩҵас
иахьрызныҟәоз уҳәа рхы иархәаны ақырҭуа националистцәа
уаанӡа иҟарҵақәаз, уажәшьҭа ирзырур рымуа иалагахьеит. Ажәа ҭлапҟақәа ирыҵаҵәахузеишь ҳәа ԥаса аасҭа еиҳа
иазхәыцуеит. Излоуҳәауала, уара абызшәақәа рацәаны иудыруазаап, аҭоурых уазҿлымҳазаап. Ус анакәха, ҳәарада, иудыруеит адунеитәи аҭоурыхгьы. Иусҭарц сҭахуп зҵаарақәак.
Иузаагару адунеи аҿы даҽа ҿырԥштәык жәларык ҩагыланы
зынӡаск дара ирзааигәаӡам даҽа жәларык ишәҳәауа абызшәа
ҳара ҳтәоуп, шәызқәынхауа адгьылгьы ҳара ҳадгьылоуп ҳәа
рарҳәахьаны? Уара аԥсшәа уҵеит, ақырҭшәагьы, ҳәарада,
иудыруеит. Ишԥоубои урҭ абызшәақәа, еиԥшума? Уажәшьҭа
ишсоуҳәара ақырҭуа националистцәа ишырҳәауа еиԥш,
Аԥсны зыхьӡу адгьыл аборигенцәас иамазар ақырҭуагьы
аԥсуаагьы, акыр зқьышықәса раахыс урҭ араҟа еицынхозҭгьы
рбызшәақәа еиламлакәа, бызшәак алымҵыкәа абасҟак
еицәыхараны ҟалашьа амазу?
Агазеҭ аҿы иуҳәаз хыхь иаазгаз уажәақәа, ираԥсышәаны
иуҳәозар, абас еиҭоуҳәар ҟалоит. Сасра уахьнеиз аԥшәма
иашҭа уанынҭала, араҟа иаԥшәымоу уара уакәу, сара сакәу
аилкаара аҵкыс, усасны усҭазар, сашҭаҿы бзиала уаабеит, уааи,
ҳнатәап, ҳааицәажәап. Ҵаны, ԥаса-ԥаса, абасеиԥш уҳәаргьы
аԥсуа аҭак уиҭомызт, дсасуп асас анцәа диҩызоуп, ихәҭам акы
иҳәазаргьы, ианажьтәуп иҳәон, избанзар, ихаҭа дызлауаҩы
ламысыз ала, иашҭа иҭалазгьы аламыс имоуп ҳәа диԥхьаӡон.
«Ари ақырҭуа дгьыл аҿы» аԥсуаа мааиӡеит, ари аԥсуа дгьыл
аҿы иааит ақырҭқәа иахьааизгьы азмырхакәа, иааҳәны, ари адгьыл ҳара ҳтәы акәын, шәара шәоуп исасцәоу ҳәа иааҳҿагылт
умҳәозар. Бзиа ҳшубауа ҳәа агаӡа ижьага ажәақәак нацҵаны,
урҭ, ақырҭуа националистцәа ашәа нарыцуҳәеит уаргьы. Сара
схәыҷра мҩасит Тҟәарчал. Уаҟа уара ужәлантәқәа нхоны
исгәалашәауам. Ус анакәха, уахь унанагеижьҭеи уамак ҵуам.
Шьыри, шаҟа исҭахузеи иугәалауршәарц, уахь уаннеиуазгьы
иуҳәауаз ашәа абри аҩыза акәзушь.
«Аԥсны ҟаԥшь», 1990
АЦӘЫКӘБАРҚӘА АНЕИЦЫЛАЛАК
Амилаҭ рҭоурых азыҳәан, ашықәсқәа ракәым, мышкгьы,
сааҭкгьы акыр аҵанакуеит.
Аԥсуаа грас иҳамоуп ҳҭоурых еснагь архәыҷра, армаҷра,
иҟоу, иҳамоугьы инагырханы, иааларҟәшәа ахцәажәара.
Жәаҳәарада, узлаҟам ала аҽхәара, амцхә аҽырԥагьара уаҩы
дарԥшӡом. Ицәаԥҽыгоуп иҟам-иным аҳәара, аҩра. Ҳмилаҭтә
ҟазшьа аанарԥшуеит ажәаԥҟа: «Дтәаны ирымбаз дгыланы ихы дирбеит». Ари ламысуп, уаҩроуп аӡәы идкыланы
уахәаԥшуазар, аха амилаҭ рыхьӡ-рыԥша аӡыргараҿы, ржәытәрҿатә аҳәара, аҩра ашҟа аиагараҿы – даараӡа иԥырхага дууп.
Ҳарҟәаҵып азқьышықәсақәа зхыҵуа ҳматериалтәи
ҳдоуҳатәи баҟақәа. Иаҳҳәарым Г. Турчанинов иҟаиҵаз
аартра аԥсуаа ҳаҩнуҵҟа иахьынӡахәҭоу адгылара ахьамоуз. Иаҳгәалаҳаршәарым усҟацәак аӡбахә шаҳамҳәауа
Аԥсуа ҳәынҭқарра. Ҷыдала убри мацара иазку аҵарадырратә усумҭақәа, ашәҟәқәа ахьҳамам. Усҟак хара ҳцарым.
Сырзааҭгыларц сҭахуп қәрала ирхыҵуа ала урыхәаԥшуазар,
абиԥарак, ҩ-абиԥарак ирхыҵуа аҟара зхыҵуа акультуратә
баҟақәа, урҭ рҭоурых. Иналкааны аӡбахә сымоуп аԥсуа
периодикатә кьыԥхь қәрас иахыҵуа, нас иахьа ишаадыруа.
Абри уалацәажәарц азыҳәан, иааумҩатәшәа акәзаргьы,
унхьамԥшыр ауам ажәытәрахь, нас уи ажәытәра ишазыҟоу
ҳара ҳаамҭа.
Зегьы нарҳәы-аарҳәны, аҳа аҵәа аҿалоит, аҵәа аҳа
аҿалоит ҳәа ианаҳдырҵоз, мап зҳәаз ԥсышьацәгьа анрырҭоз
аамҭақәа раан, ишәҭыкакаҷуан даҽа теориакгьы. Амилаҭ
хыԥхьаӡарала шаҟа имаҷу убасҟак ихәыҷызароуп рҭоурыхгьы,
хыԥхьаӡарала шаҟа ирацәоу, рҭоурыхгьы убасҟак идууп
ақәра рацәа амоуп. Убри аҟнытә, аԥсуаа ҭоурыхла ҳреиҵазар
акәын хыԥхьаӡарала ҳзеиҵоу зегьы. Ари атеориа иахылҵит,
иарҿиеит уаҩы ихаҿы изаамгаша амцқәа ацәгьоурақәа.
Уара ужәладоуп, ушьҭрадоуп, уԥсадгьылдоуп уани уаби
ҳәа иудыруа уара узыхшаз ракәӡам, укашәарахны урааӡеит
ҳәа ауаҩы дшыхәыҷу инаркны иоуҳәалар, дужьалар, дандухалак, аиаша анеиликаалак дахьужьоз азыҳәан угәаӷ
шьҭихуеит. Изхысҳәаауа, абольшевикцәа рпартиеи ажәлари
убас рыхьра иаҿуп ҳаамҭазы. Шаҟа аиаша еилаҳкаауа
убасҟак ҳгәы ахшәоит ҳашнеи-шнеиуа агәаӷгьы ҳкуеит.
Иааҳгап ҿырԥштәык. Аԥсуа культура аҭоурых аҿы аҳра ауан
теориак. Аԥсуа литература, аԥсуа театр, аԥсуа ансамбль уҳәа,
ажәакала, реиҳа ихадақәаз зегьы ирыхцәажәауан асовет
аамҭа иахылҵит, рыҿиара, рзырҳара, рцәырҵра зегьы зыбзоуроу Октиабртәи ареволиуциа аидеиақәа роуп, Аԥсны асовет
мчра аиааира анага ашьҭахь иҟалазоуп ҳәа. Ари амц иахьа
уажәгьы џьоукы-џьоукы мап ацәырымкыц. Аҭоурыхтә фактқәа
иҳарҳәауа зынӡаск даҽакуп. Асовет мчра Аԥсны иааиаанӡагьы
иҳаман ашәҟәыҩҩра аҿиара иалагахьан аԥсуа сахьаркыратә
литература аԥсышәала апиесақәа рыҩхьан, аспектакльқәа
ықәдыргылахьан, ажәакала, шаҟа ирласны аиаша ҳәахауа,
убасҟак иазеиӷьуп ажәлар рдоуҳатә гәабзиара.
Ҳҳәынҭқарра ду зегьы аҩнуҵҟа иҟаз атенденциа
маҷызшәа, иаҳзымхозшәа, аԥсуаа ҳзыҳәан инацлеит даҽакгьы.
Егьырҭ ажәларқәа имцу ажәақәа рыла агәы ҟарҵалара акәын
жәибжь шықәсазтәи ареволиуциа. Агәы ҟарҵалар акәын
адиктатура. Шәыссируп, шәынцәоуп, насыԥ ҳашәҭеит ҳәа
рарҳәалар акәын абольшевикцәа. Аԥсуаа, убарҭ ирҳәауаз
инаҳзацлеит даҽакгьы. Ргәы ҟаҳҵалар акәын ақырҭуа
меншевикцәа рхылҵшьҭрақәагьы. Иаазгоит ҿырԥштәык.
Аԥсуа театр ахы ыҵнахит ҩажәиак шықәса инаркны ҳҳәеит
азнык азы. Ус анаҳҳәа, иашоуп, уи бзианы иҳашәҳәеит
рҳәеит абольшевикцәа. Аха игәааит ақырҭуа меншевикцәа
рхылҵшьҭрақәа. Ишԥаҟаҳҵагәышьоз. Иҵегьы агҳархеит аԥсуа
театр ақәра. Аԥсуа артистцәа, арежиссиорцәа Қарҭ ицаны,
аҵара иалганы ианаа, ақырҭцәа анҳацхраа ашьҭахь, даҽакала
иуҳәозар, Аԥсны Қырҭтәыла ианаларҵа ашьҭахьоуп ҳара атеатр анҳау ҳәа аҳәара ҳаналага. Мцык инацлеит даҽа мцык.
Абарҭ амцқәа зегьы ҳҳәалар акәын ҳкультура аҭоурых иагырхауа, иларҟәуа, ирмаҷуа, ҳхала иҟаҳҵазгьы даҽа џьоукы
иҳарҭазшәа иацҵауа.
Абасеиԥш зҳәауаз, изыҩуаз срықәӡбауам ираҽԥнысҳәом
ажәаԥҟа: «Ар ирнымиаз дхаҵа ҟәҟәоуп» схаҿы иааганы. Аӡәы
дналкааны акәым, ажәлар шеибгоу ирбаандаҩны ианхырҵоз
аамҭазы, амаҳагьараҵәҟьа ҟазҵаз изыууазеи акәымзар, егьирахь, амилаҭ ркультура аҭоурых иагырханы иҳәеит иҟаҵәҟьаз
изымҳәеит ҳәа уаӷоу аҽԥныҳәа риҭеит. Аха уаҩы иранеимыжьша даҽакуп. Аиаша аҳәара иаамҭахеит. Уажәшьҭагьы
аиаша зымҳәаз, уажәшьҭагьы аҭоурых зырхәанчаз уи иоуп
гәыбӷан зҭатәу.
Акгьы шьақәсырӷәӷәом. Исымоуп азҵаарақәа. Сахьиашам, шәара ишәҳәап.
Салацәажәарц сҭахуп аԥсуа периодикатә кьыԥхь аҭоурых
аҟнытә фактк.
Қәрас иамоузеи, иахыҵуазеи аԥсуа периодикатә кьыԥхь?
Аҭак, ишыжәдыруа еԥш акыр аҵанакуеит амилаҭ ркультура аҭоурых азыҳәан.
Аԥсуа ашәҟәыҩҩра цәырҵит азежәтәи ашәышықәса
хынҩажәатәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Уи дыруп. Раԥхьаӡатәи
аԥсуа сахьаркыратә шәҟәы ҭыҵит 1912 шықәсазы . Аха
ианбалагеи апериодикатә кьыԥхь? Уи азыҳәан иҳарҳәауа
абанӡамцу, аиаша иарбану?
Ҳнапаҿы иаанаҳкылоит ҳаԥсуа газеҭ заҵәы «Аԥсны
ҟаԥшь». Знык иаҳмаҳаз џьшьаны, ҩынтәгьы ҳнаԥхьоит алозунг: «Атәылақәа зегьы рпролетарцәа шәҽеидышәкыл!»
Уи алозунг азыҳәан ҳгәаанагара даҽазны ҳалацәажәап.
Ҳҿынаҳхап. Нбан дула иануп ахьӡ – «Аԥсны ҟаԥшь».
Ирҳәоит, ажәа «аҟаԥшь» ацызҵаз Миха Лакрба иоуп
ҳәа. Сгәанала, усҟантәи аамҭазы даараӡа иманшәалаз, аамҭа
иақәнагоз ажәа азиԥшааит. Иабаанагеи ажәа «аҟаԥшь»?
Урыстәылан, Пензатәи агәберниаҿы 1861 шықәсазы
ақәгылараан бираҟҵас ишьҭырхит. Октиабртәи ареволиуциа
ашьҭахь, ҳәынҭқарратә бираҟ ԥштәыс иҟарҵеит. Убри аԥштәы
аҿаанахан ҳара ҳҟынӡагьы иааӡеит. Раԥхьаӡа, сгәанала,
Аԥсны иаанагеит 1921 шықәса, март ԥшьба, Ар Ҟаԥшь Аҟәа
ианааи. Уи символра азнауан абольшевикцәа рдиктатура.
Иахьанӡагьы убас иааит. Ԥштәыс абираҟқәа ишрымоу макьанагьы ԥыҭраамҭак ицозар акәхап. Аха иабанӡаиашоу агазеҭ аханы, ажәа «Аԥсны» анаҩс иахьацу? Аҟаԥшь аԥсуаа символс ирымамызт. Уимоу егьахыччон, ажәытәан. Иҟалап, ашьа аԥшшәы
ахьыргәаланаршәоз, аԥсуаа ашьакаҭәара иахьырмилаҭ
ҟазшьам иахҟьозҭгьы. Убри аганахьалагьы ажәа «аҟаԥшь» анаалауам. Иҟоуп даҽакгьы, уи аҵкысгьы иеиҵамкәа изҵазкуа. Ажәа
«аҟаԥшь» анацырҵоз, агазеҭ ахьӡ мацара акәӡам ирыԥсахыз.
Иаалырҟьаны идырхәыҷит ақәрагьы. Агазеҭ «Аԥсны» аҭыҵра
иалагеит 1919 шықәсазы. (Абри ашықәс, абри амш, раԥхьаӡа
аԥсуа газеҭ анҭыҵыз – ԥеруал 27 аԥсуа периодикатә кьыԥхь
азыҳәан иныҳәа мшны иазгәаҳҭалар замуазеи?) Уаҟагьы иаанымгылеит ажәа «аҟаԥшь» анацырҵа иҟанаҵаз ацәгьарақәа.
Агазеҭ аҵакы аганахьалагьы аҽаԥсахит. Иаанахәеит ҩ-ԥштәык.
Аҟаԥшь – абзиа, уи инаҿагылеит даҽа ԥштәык – аиқәаҵәа.
Ауаҩы ма дыбзиоуп, ма дыцәгьоуп. Ажәытә аамҭазы зегьы
бааԥсын, аҿатә аамҭазы зегьы бзиоуп.
Аиҭакра иаҳзаанагеит ҳазқәымгәыӷӡоз. Ацензура
аԥыххеит. Агазеҭ уажәшьҭа аҵакы аганахьала иаанахәароуп
еиуеиԥшым аԥштәқәа, аԥштәқәа зегьы.
Ажәа «аҟаԥшь» анамаҳхлак, ириашахоит ирхәанчаз
аҭоурых ҵабырг. Аԥсуаа символс ирымамыз аԥштәы наҟ
иаԥыххеит. Иҩбахаз, агазеҭ аҭыҵра ианалагаҵәҟьаз – 1919
шықәса ашҟа ирхынҳәхоит. Ихԥахаз, аҳәара мариахоит
даҽа иашак. Агазеҭ хациркит Дырмит Гәлиа. Агазеҭ «Правда» иануп ихацзыркыз дызусҭоу. Убас ануп «Литературнаиа
газеҭгьы». Избан, ҳара ҳгазеҭ хацзыркыз ихьӡ занаҳамҵозеи
изаҳмырхынҳәуазеи уи иахьӡҵәҟьаз? Изаҳамҳәозеи қәрала
иахыҵҵәҟьоу?
Ацәыкәбарқәа анеилаҭәалак, аӡиас шрылҵуа еиԥш акиаки неицылауа ишьақәгылоит, иҭбаахоит, иҵаулахоит, амилаҭ
зыда ԥхьаҟацашьа рымам рхатәы ҭоурых.
Аредакциа аҟнытә.
Ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба иқәиргыло азҵаара хымԥада
зҭыԥ иқәҵатәу акоуп. Абри аганахьала агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь»
аредколлегиа уаанӡагьы аилацәажәара рыман, аԥхьаҩцәа
ргәаанагарақәагьы еилыркаахьан, Аԥсны аиҳабыра рҟны
инаргахьан, иагьазгәарҭахьан иааиуа ашықәс азы агазеҭ
«Аԥсны ҟаԥшь» ахьӡ «Аԥсны» ҳәа ишыԥсаххо.
«Аԥсны ҟаԥшь», 1990
УААНӠЕИ АРИНАХЫСИ
Еихшьаалақәаки гәҭахәыцрақәаки
Календарла ашықәс нҵәаны акәымкәа, хәыцрала,
гәҭыха-гәыӷрала аамҭак ҳанҭысны, даҽа аамҭак, ҳаԥсҭазаараҿ
даҽа периодк ҳҭалауашәа ацәанырра узцәырҵуеит, иаҳхысыз
ашықәс мацара адагьы, ҳсистема аиҭакра ҳалагеижьҭеи
иҟаҳҵахьоуи, уажәы ҳаазынгылаз амҩа, ҳааины ҳазҭагылаз
аԥсҭазаара уҳәа еидкыланы, еиҿырԥшны уанрыхәаԥшлак,
уанрызхәыцлак. Жәибжь шықәса раахыс зышьцылара
ҳаҿыз,ирԥхашьагахаз, аха уажәшьҭа мап зыцәкра ҳалагаша
иреиуоуп акы – ҳҳәынҭқарра иахагылоу, дыҟанаҵ, иаргьы, ҳаԥсҭазаарагьы рзышәаҳәара, рырҽхәара. Аԥсцәаҳа
дшааҳԥыригалак,
дахьынӡаҟаз
иаамҭагьы,
ихаҭагьы,
ӡы иамыӡәӡәауа, аҳәынҵәа рықәҭәара. Усҟан бжеиҳан,
иаҳхашҭуеит, аҳәынҵәа ҳхаҭа ҳхы ишақәаҳҭәауа, избанзар,
уи аамҭазы ҳаҟан ҳаргьы, иара дзычҳауаз, ҳаигәырӷьаҵәа
иаамҭа иаланхауаз. Араҟа ҳаламыс зыхьчауаз иарбаныз?
Ҳҳәынҭқарра хадас иамаз ҳара дахаҳмыргылеит, ҳара
далҳамхит. Убри аҟнытә, иааҟаиҵаз ацәгьарақәа рзыҳәан
ҳара ҭакԥхықәра ҳәа акгьы ҳадым. Иаамҭа акәзар, уигьы ҳара
иаҳгәаԥханы иалаҳхыз акы акәмызт, мчыла иҳадгәалан.
Ҳҽазаҳшәап убри аҵас «бзиа» аилагара. Анцәа иџьшьаны,
ҳгәы иҭаҵәҟьоу ҳҳәартә аамҭа ҳауит. Ма иаҳҳәалап, усгьы, анарцә ҳәаран иҟаз, ураҳәа акгьы ыҟамызт ҳәа, ҳажәа
аамышьҭахь, ҳусқәа ҳәа уамак егьыҟам. Ҳгәы ҳарҟычып апоет
иажәақәа рыла. «Ажәа – аригьы усуп».
Бзиараси цәгьараси иаҳзаанагазеи, аиҭакра зыхьӡаҳҵаз,
аха ахьӡҵәҟьа уҳәозар, ажәа арбгара иаҳа ианаалауа арҭ
ахәышықәсак?
Алакә ажәала иуҳәозар, урҭ ашықәсқәа бжеиқәабжашлан, акапанга иақәҵаны, еиҳау еиҵоу ҳәа капаншьа рымам, аха ишырацәаз еиԥш рыбзиарақәа, убасҵәҟьа
ирацәахеит рыцәгьарақәагьы уҳәар ҟалоит.
Быргк иажәа иналеиҵеит абасеиԥш жәабжьк. Дад, иҳәеит
уи, дасу анцәа дыззишаз даҿызароуп, илымшауа далагар, ихгьы ижьоит, ажәларгьы иргәаҟуеит. Ԥҳәыск ахацәа дреиканит,
иҳәеит. Аҵлақәа ирықәланы ажь зҭаауаз ахацәа даарыҵагылан
шәара шәеиҳагьы аҵла сықәлоит, ишәеиӷьынгьы ажь сҭаауеит
лҳәеит. Амҵәышә лыманы аҵла дықәлеит. Лымҵәышә анҭәы,
уаҩы инапы наӡартә аҟара илбаалышьҭит, иҳәеит. Исыҵыжәга
ҳәа лыбжьы лыргеит. Аӡәгьы ихы дҩаханы амҵәышә икуам.
Ишәыхьзеи, шәыхәда шәыкәаҽ, шәыԥхашьаны шәгылоуп акәу
ҳәа ҿылҭуеит, ахацәа аӡәгьы ихы дҩахом. Ианылмуӡа, хаҵак
хаҵа еиқәак аашьҭихын, иблақәа хҩаны аҵла дыхәнеит,
иҳәеит. Абри бышьаҵа, нас аҵла быхәнала, ибыҵагылоу
ахацәа ишакәым бырбоит, бара быԥхашьом, аха дара рхы
иҩаханы быҵаԥшра рхы ирзаҭәашьом иҳәеит.
Аҭаҳмада
иажәабжь
ҩынтә-хынтә
исгәалашәеит
уажәааигәа, ашықәс анҵәамҭазы Чехословакиа саныҟаз.
Аха зны еихшьалақәак ҟаҳҵап иныԥкаауа.
Ацивилизациа
иазааигәахәеит
ҳәа
ҳзырҳәартә
ҳхаҭақәагьы иаҳзеиӷьхартә, ҳахьӡгьы бзианы иаргартә
иҟаҳҵазеи абарҭ ашықәсқәа рзы? Ажь зҭаауаз аԥҳәыс леиԥш,
иҳалымшоны ҳазлагазеи?
Раԥхьа – ҳабзиарақәа акык-ҩбак.
Ахы иақәиҭхеит жәибжь шықәса раахыс асаԥаҭ зҿаз
ажәа. Аамҭала ҳәа усҟан инаҳәаны, убриаахыс ишыҟац, иаҳаиаҳа иӷәӷәамхозар, икәадамхо иааиуаз ацензура аԥыххеит.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3343Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3260Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3251Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3279Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3334Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3379Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3435Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3357Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21870.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3365Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3377Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21620.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3298Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3263Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22070.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3298Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3296Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21890.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3260Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3311Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22960.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3408Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3367Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3357Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3305Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20540.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3288Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3251Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3333Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3272Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3288Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3349Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21890.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3314Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3326Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 22Unikal süzlärneñ gomumi sanı 200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.