LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31
Süzlärneñ gomumi sanı 3251
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ашьжьымҭаноупеи ианимсхыз…
– Исҭахыз џьушьома, аха дсыҳәеит, – аҳәыркьира сналагеит. – Ихаҭагьы иҳәеит дышиашамыз.
– Дышиашамыз… Ихгьы ҭаирхоит, џьоукгьы нирҵәоит.
Анцәа иџьшьоуп, арыжәтә ижәуам, аха егьирахь? Шаҟа ирццакны иныҟәицозеи амашьына, ихы итәу, уара? Усҭ, Аҟәантәи
уанаа, угәы нырханы усзышьҭуам, – апрауақәа аасиркит.
Сызқәыӡбауаз аԥҳәыс слеицәаны схы збауа снаиԥырҵит.
Ҳаамҭазы амилаҭқәа реизыҟазаашьа ахьҽеим иахҟьаны,
милаҭла аидгыларақәа ҟалеит. Ҩыџьа арныҟәаҩцәа, аӡәы
зцәазна ижәны иҟаз, ихаҭа иԥсҭазарагьы, уаргьы саргьы
ҳаԥсҭазарагьы ашәарҭа иҭазыргылоз, даҽаӡәы, амашьына
ирласцәаны иахьирныҟәоз азыҳәан, здокументқәа ииашаны
ирымызхыз автоинспектор, ҳара иҟауҵаз иашоуп, аԥсуара
уацхраауеит, аламыс иахьазҳаша уашьҭоуп ҳәа иаҳәаны,
идгылара ацымхәрас, имилаҭтә цәанырра ҳхы иархәаны,
иаҳа иаахтны иуҳәозар, ҳалахәаахәҭны, дырԥхашьаны,
рдокументқәа ирхынҳәыртә дҟаҳҵеит. Аԥсуара иаԥырхагоу
ҳнапала ирҟаҵаны, шаҟа даԥсуа бзиоузеи ҳәа дырҽхәауа
ҳнаиԥырҵит. Ламысуп ҳәа аламысдара амҩа ааҳартит.
Уажәшьҭа ҳхәыцып инацҵаны.
Аԥсыуаақәак аԥсуа автоинспектор убас анизаҳуаз
аамҭазы, агәра ганы сыҟоуп, қырҭцәақәакгьы, ашоферцәа
ахьқырҭцәаз азыҳәан, аиакәым ҟазҵаз џьоукы шоурышьҭыз.
Аԥсуааи ақырҭцәеи дрыҵамхозар акәхап аермангьы.
Аурысцәагьы рмилаҭтә цәанырра иаҳа-иаҳа аҿыхара иаҿуп.
Аха урҭ ианамуӡах, иахьырацәаҩу аҟнытә, иеибадыруа маҷуп.
Автоинспекторцәа иҟарҵауа аҩыза аныҟарҵа апрокуратураа,
амилициаа, аусӡбаҩцәа… Урҭқәа инарыцҵа раԥхьаӡа игылоу
даҽакгьы – ҵарҭышагарала аилахәаахәҭра. Ҳара ҳсистема
уи аганахьала, аҵарҭышагаҩцәа неидтәаланы, абри аҩыза
азакәан аԥаҳҵар, аҵарҭыша агара иаҳа иманшәалахоит
ҳәа ирыӡбазшәоуп ишышьақәгылоу. Иааҳгап ҿырԥштәык.
Аҵарҭыша згауа абахҭа дҭашәоит ҳәа дшәарҭамхарц азыҳәан,
иаԥырҵеит даҽа статиакгьы. Аҵарҭыша згаз дышҭактәу
еиԥшҵәҟьа, деимгәаххаа абахҭа дҭактәуп изҭазгьы. Аӡәы
иаамхаҳәар ҳәа егьи дшәауа иныҟарҵеит. Уаҟа инацҵа
афантастцәа ирыӡбазшәа иҩу ҳконституциа. Уанаԥхьауа
агәырӷьара уагоит, аԥсҭазаараҿы аус шауа уанахәаԥшлак,
ҳара ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа иаԥырҵахьаз баҟак еиԥш
иааумпыҵахоит. Милаҭеилыхра ҟамҵауа, напеикәыршала иахьеибабауа ҳәа сара иахьыздыруа раԥхьа игылоуп џьарак –
ҵарҭышагарала иеилахәу амаҵурауааи аорганқәа русзуҩцәеи.
Џьоукы-џьоукы рыхәдацәақәа анааҵибакаауагьы, еиҳарак
иеимаркуа еиҳа згази еиҵа згази ҳәоуп. Урҭ рыҩнуҵҟа
машәыршәа днанагар уаҩы ԥсыцқьак, алаҳәақәа аҳәыҳә
рылашәар даҩызахоит. Иԥеиԥшхауа еилкаауп.
Ҳара уажәы ҳазлацәажәарц иаҳҭаху ашҟа ҳхынҳәып.
Ҳаԥсҭазараҿы иаҳԥырхагоу, ҳазмырҿиауа, уимоу, цқьа
уазхәыцыр, ирԥхашьагоу, аха аԥсуара иатәуп, иаԥсуа ламысуп
ҳәа иаҳаԥхьаӡауа ишԥарыԥсыхәо? Ишԥаԥсыхәо ишьаҭарӡгоу
ҳапатуеиқәҵарақәак?
Аҩсҭаацәа неидтәаланы, абарҭ ауаа ҳархыччап ҳәа
цасҳәа ирыӡбазшәа акәымкәа, ахшыҩи аламыси змоу ауаа
еиҿыркааз аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа ҳанхо-ҳанҵуа даҽа акыр
жәашықәсагьы ҳзыҟалауам. Уи агәра згеит. Анцәа иҳәааит
сҩашьауа. Изхысҳәаауа, убас иҟоу ҳәанҭқаррахаанӡа ҳара
ҳҳәынҭқарра, инагӡаны ӡбашьа аиуп ҳәа сыҟам аԥсуаа
ҳазҵаарагьы. Уаанӡа иҳагу-иҳабзоу мҳәауа, ус ҳнеилар,
ҳабакылнагои? Гха змам уаҩыԥсы дшыҟам еиԥш, зыҩнуҵҟа
гра змам милаҭ адунеи ианӡам. Аԥсуаа ҳаҩнуҵҟа иҳагу
адәахьы аӡәы имаҳандаз ҳәа шаҟа иаҳҵәахуа, ҳаҩнуҵҟа
имыӡбакәа, шаҟа иаҳхәаҽырц ҳҽазаҳкуа, уажәшьҭан иаҳагьы
ирԥхашьагаха адунеи инахыҵәоит. Иаазгоит ҿырԥштәык.
Акрааҵуеит аԥсуа театр хыла-гәыла иеилоуижьҭеи. Рҽыршеит
гәыԥ-гәыԥла. Ажурнал «Аԥсны аҟазараҿы» иеиҿкаан гәыԥҩык
рыҿцәажәара. Иаҳҭахын егьи агәыԥгьы рыҿцәажәара
анҵаны, нас ахәаԥшыҩцәа ргәаанагарақәа иацҵауа, азҵаара
инеиҵыхны алацәажәара, ауаажәларра алархәны, атеатр аус
аӡбара ацхраара. Иаҳзынамыгӡеит. Изыхҟьазеи? Иаҳагьы
иеиҿашәыжьуеит. Измаҳацгьы ираҳартә иҟашәҵоит. Шәара
шәызҿу аԥсуа интеллигенциа реирсроуп, рҳәеит. Иалҵызеи,
иабакылси? Аурыс кьыԥхь аламцәажәарада ԥсыхәа амоуа аҟынӡа инеит. Аԥсуа театр аҩнуҵҟа аԥсуаа гәыԥ-гәыԥла
иеиҿагылоуп ҳәа нараҳаит аурыс бызшәала аԥхьашьа ааздыруа зегьы. Ҳазҭаху ргәы иалсит, ҳазҭахым рԥаҵа иналаччеит.
Изыхҟьазеи? Имцу, иаҳԥырхагоу апатуеиқәҵара.
Акгьы шьақәсырӷәӷәом. Сазҵаауеит аҟароуп.
Ламысуп, аԥсуароуп ҳәа иԥхьаӡаны, иҳамоу амҽеирақәа
ҳаблақәа рызхаҳҩалома? Ирҭаху ҟарҵалааит ҳәа ҳарҟәаҵуама
аламыси аԥсуареи аргамаду хәаахәҭгас иҟазҵаз?
Иҟоуп убасеиԥш агәаанагара. Иҳагу ҳхаҭақәа иаҳҳәар,
ҳазҭахым аҵәы иахарҵоит, ҳҿагылараҿы иаарҳәны рхы
иадырхәоит ҳәа. Еиҿырԥшра ҳаракцәоуп, аха убри азыҳәан
иаазгоит ҿырԥштәык. Ҳаӷацәа рацәаҩуп, ҳаҩнуҵҟа акритика ҟамлароуп, ҳабзиарақәа мацара ҳҳәалароуп апринцип
шьҭырхит абольшевикцәа. Иахькылнагаз, иалҵыз жәбоит.
Убри аамҭазы «аилабаара иаҿыз» акапиталисттә тәылақәа
рҿы, анапхгараҿы инеиуаз апартиа, дара ирҿагылаз, дара
акритика рзызуаз апартиа иалоу ауаа ауалафахәы рырҭауан,
иҵегь шәыҽшәырӷәӷәа, иҵегьы акритика ҳзыжәуы ҳәа ирыцхраауан. Уажәы ҳара, адунеи фыџьара ишаны хәҭак нхарҭас
изаҭәашьахаз аҳәынҭқарра, ҳнапы рымҵакны, амла ҳанҵәоит,
акраҳҿашәҵа ҳәа, акапиталистцәа ҳрымҵагылоуп.
Аԥсуаа иҳагу-иҳабзоу ҳаҩнуҵҟа шаҟа иҳамҳәауа, шаҟа
иаҳҵәахуа, убасҟак иаҳа-иаҳа аӡыхәашьқәа рылаҭәалоит
ҳаламыс, ҳаԥсуара. Мшәан, аԥсуаа раҟара ибзианы изҳәада
агха аҵәахразы: «Азҩа зӡаз иан дагеит». Ҳазҭахым рхы
иадырхәоит ҳәа ҽыҵгас иахьыҟаҳҵо аамышьҭахьгьы,
ҳаҩнуҵҟатәи ҳамҽеирақәа ахьаҳзымҳәо, иҵегьы изыхҟьақәо
рацәоуп. Аԥсуаа ҳмаҷуп, ҳаидгылароуп. Уара узакәу, сара
сзакәу ҳәа аибыҳәара ҳалагар, ҳагәқәа еихшәар, игәырԥса
ҳақәшәоит ҳазҭахым. Абри акы. Иҩбахаз. Ҳрацәаҩны
ҳаибадыруеит. Аиҩызара ҳабжьоуп, ҳаиуацәоуп. Ҳагәқәа
еибамшаҭар ауам. Аԥсуара иаԥырхагоу ҟазҵауа, иаҳҳәап, интеллигентк, акритика анааизыууы, убри иаҳәшьаԥа, мамзаргьы ианшьа, убасеиԥш ашьапҿаршә узиуеит, уахькаҳауа узымгылауа. Уахь днарыцҵа араионтә патриотизм згәаҵәахы кны
иамоу ачымазаҩгьы.
Абарҭқәа
санрызхәыцлак,
ҳзықәтәоу
анышьа
аӡагәҭа иххалазшәа збоит. Аарцәгьы ҳаҟам, нырцәгьы
ҳазлаӡхыҵышагьы ҳаздыруам.Ииашоу,ииашаму гәылацәақәак,
дара рыҩнуҵҟа акритика ахьырзеибауа, адәахьы иахьнеидгылауа, иахьеибарҽхәауа? Схы саназҵаалак, еиҿагылауеит
ҩ-гәаанагарак. Ҳааилгақәап, хықәкы хадас иҳамоу зны
инаҳагӡап, нас ҳара ҳаҩнуҵҟақәа ҳусқәа ҳрылацәажәап.
Ас зҳәауагьы ахьиашоу рацәоуп. Реиҳа ихадоу аус – Аԥсны
зылыхәдартәыз азинқәа азырхынҳәра, хыԥхьаӡарала
иеиҵоугьы аԥсҭазара дшақәиҭу агәра дыргара, ҳәарада, иазкызароуп ҳхы-ҳахшыҩ зегьы, ҳгәамч-ҳалшарақәа зегьы.
Анацәкьарақәа зегьы анеиламҵәа аҭаҷкәым шалымҵуа еиԥш,
аӡәы заҵәыкгьы дналмыршәакәа, ҳазегьы ҳанеидымгыла,
иахьеиԥш, даҽа милаҭк ҳархьыԥшны ҳшыҟоу ҳаҟазаауеит.
Аха абраҟа исҳәарц сҭахуп даҽакгьы. Сара акьыԥхь аҿы
исҳәахьеит, азҵаара ықәсыргылахьеит Аԥсны даҽа партиакгьы еиҿкаатәумашь ҳәа. Аӡәырҩы исымаркит. Урҭ еиҳарак
ирҳәауа уиоуп: аԥсуаа ҳмаҷуп, апартиақәа рацәаны иҟалар,
хазы-хаз ҳашоит, ҳҳәатәы еиқәымшәо ҳалагоит, ҳазҭахымгьы
игәырԥса ҳақәшәоит. Ухнахыртә ишыҟоугьы, ари ахшыҩҵак
адкылара уадаҩуп. Аполитикатә партиа адунеихаан аԥсуаа
ҳаиднамкылаӡац. Уимоу, ҳаҩнуҵҟа аҳәатәеиқәымшәара,
иаахтынгьы аиҿагылара иаҳагьы иҟанаҵоит. Ҿырԥштәы
заҵәык. Аԥсны аҭагылазаашьақәа иҟоуи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥши
рзыҳәан 1978 шықәсазы ашәҟәы зҩыз аинтеллигенциа, ашҭа
илықәыргыланы абензин рықәҭәаны ибылтәуп зҳәазгьы, ииашаны иуҳәеит ҳәа уи иқәшаҳаҭхазгьы, паспортла иаԥсыуаан,
амаҵура дуқәагьы изырхагылаз иахьаԥсыуааз азыҳәан акәын.
Изхысҳәаауа, абольшевикцәа рпартиа ашьаҭа зкыз ишиҳәаз
еиԥш, ииашаҵәҟьаны ари апартиа «ум, честь и совесть» акәзар,
иҟасҵаз ацәгьарақәа, ашьакаҭәарақәа, миллионла ауаа
рнырҵәара, саҭашәымҵан ҳәа наҳәаны, иҟанаҵарц иахәҭоу
ныҟаҵаны, ицаӡаргьы, даҽа партиак аԥсуаа ҳаиднакылап ҳәа.
Ҳара ҳаԥсреи ҳабзареи зыӡбуа, ҳаидкылара зылшауа, мҩакы
ҳаицықәызҵауа ҳәа иҳаман, аринахысгьы иҳамазароуп
ҳанцәахәы – аԥсуара. Ахшыҩ, аламыс, ауаҩра зегьы ҳәоуп
убри ажәа заҵәык ала.
Аӷацәа зырҳауа, зхы зцәымӷәу иоуп.
Акгьы мҳәакәа, зегьы рзы ууаҩы хааны уҟазарц уӡбауазар,
аҽыҵгақәа уԥшаауеит. Аха ишԥаԥсыхәо уҩныҵҟантә игауа
абжьы: «Узҭахым рхыԥхьаӡара иацлар ҳәа уацәшәаны, аус
иахәоит ҳәа зыгәра ганы уҟоу анумҳәа, уҿымҭрала, ацәгьара
уацхрааит. Иашас иуԥхьаӡауа уазықәԥалароуп, уашьа хаҭа
дулнахуазаргьы.
Абас игауа абжьы инацлоит ишьақәзырӷәӷәауа
аргументқәа.
Ҳхықәкы хада ишынаӡара инагӡахаанӡа, аамҭа акыр инаскьар ҟалоит. Иаҳҳәап, аиашеи аламыси аиааира ргеит, сталинизми бериевшьчинеи ықәӡааит, Аԥсны ҟалеит ишахәҭаз –
хыԥхьаӡарала рыҵкыс иеиҳаз амилаҭқәа ираҟарахеит зинла.
Иҟама абжаранӡа аҭра иҭыхны икызароуп аԥсуа иҳәеит.
Убас ианааҟала инаркны, аԥсуа иҟама аҭра иҭаиҵома, игәы
каршәны диома ашьашәыраҿы? Адунеи ҳақәнаҵы ҳаԥсадгьыл
ҳамарклоит. Лыцәҳак наҳҟәаҳцар, даҽа лыцәҳак цхлымуа
ҳгәашә иаалагылоит.
Аԥсадгьыл дасимволны лхаҿсахьа аԥҵоуп нарҭаа
раҳәшьа заҵәы Гәында-ԥшӡа. Иаҳгәалаҳаршәап аҳәамҭа
аҟнытә сценак. Аешьцәа хьыӡрацарантә ихынҳәит. Урҭ
рыԥсадгьыл анҭыҵ иҟан. Ахьӡ-аԥша рыманы ианыхынҳәуа,
лыԥшӡара иҵегьы дацклаԥшны дырԥылар акәын раҳәшьа
заҵәы. Лара ихьыжәкәыжәны лҽеилаҳәаны, уимоу,
лыхцәыҵәҟьа ҳәамкәа даарԥылеит. Ибыхьзеи, ҳаҳәшьа, ас
бзаҳԥылозеи анырҳәа, лара аҭак иҟалҵауа ауп аџьашьахә.
Аԥсуа ишиҟазшьоу еиԥш, лхы аармаҷны, сара сзаԥсамыз
аҟара сыхьӡ ахара инаҩит, сыԥшӡара неимырҟьо ирҳәо иалагеит, сацәшәоит, сызкәыхшаша сашьцәа, сара исыхҟьаны
иакәымк шәақәшәар ҳәа. Шәшьа зыхҭнышәҵауа сыԥшӡара
схы ахызбаауеит, иаҭаххозар, мап ацәкра сазхиоуп ҳәа Аԥсны
цәажәеит нарҭаа раҳәшьа лҿала.
Ари аԥсуаа ирҳәеижьҭеи акыр нызқь шықәса ҵхьеит.
Аринахысгьы ицалоит иаҳа-иаҳа иҿыцхауа, избанзар ауаҩы
дыҟанаҵы, иуаҩра инадкылан, иқәыџьмарагьы ицзаауеит.
Изхысҳәаауа, аԥсуаа аӷацәа ҳамамкәа ҳҟалаанӡа, аидгылара ахьынӡаҳҭаху, аԥсуареи аламыси ирыдҳәалоу азҵаарақәа
рылацәажәара ҳаҟәыҵыр, иҳадҷаблауа амҽеирақәа ҳабла
рызхаҳҩар, сара сацәшәоит, иаҳцәыӡыр ҳәа ҳмилаҭтә хаҿы.
Инацаҳҵап даҽакгьы.
Ҳаҩнуҵҟа ҳҽаҳамрыцқьакәа, иаҳзынагӡом иара, ҳхықәкы
хада ҳәа ҳазҿу? Уаанӡа ишәҭаху ҟашәҵала ҳәа ҳарҟәаҵуама
ҳадгьылқәа ҭины ахә аҵхра иаҿу аԥсуаа? Ишԥарыԥсыхәо,
иааҟәымҵӡакәа, Аԥсны иааганы ауаа ҭазыҩуа? Абри аҩыза
агәаҟра ҳанҭагылоу аамҭазы акәӡами Аԥснытәи ауниверситет
аԥсуа лекторцәақәаки қырҭуа лекторцәақәаки рҵарҭышақәа
ахьырзымшаз иахҟьаны, ауниверситет зеиҩшахаз? Рыцҳарас
иҟалаз, ахәымгарақәа ирҿагыланы ақәԥараҿы, рымч маҷхеит
знаԥхы цқьаз. Усҟан амч рызҭазеи аҵарҭышагаҩцәа? Амафиа иалаӡҩахеит амилаҭтә цәанырра. Даҽакала иуҳәозар,
аԥсуаа рмилаҭтә цәанырра хәаахәҭгас иҟарҵеит ахәымгақәа.
Арҭ ҳара ҳтәқәа роуп, аӡәгьы ргәы нирхар аауам ҳәа аԥсуа
ҵарҭышагаҩцәа шьардаҩ рыдгылауа иҟарҵеит. Ақырҭуа
ҵарҭышагаҩцәа, ирыдгылазгьы, арҭ ҳара ҳмилаҭтә патриотцәа
роуп, Қырҭтәыла аԥсуаа ирцәырыхьчоит, шәеиха, абаақәа,
ҳҵеицәа гәлымҵәахқәа ҳахьчап ҳәа иқәгылеит.
Уаҟагьы иаанымгылеит аҵарҭышагаҩцәа ирыдгылақәаша
рыԥшааразы. Урҭ рзыҳәан иарӷьажәҩахеит апартиатәкоррупциатә мафиагьы. О, уи амафиа аԥсуа жәлар ҳакәым,
аурыс бызшәала иуҳәозар, сверхдержавақәагьы рымч
рықәхауам. Урҭ рыбз иалоуп ареспубликақәа реиҿажьра. Уимоу, динхаҵарак змоу амилаҭқәаҵәҟьагьы нибарҵәо аҟынӡа
инаргеит.
Дабаҟоу Шекспир?! Сара исҭоит сценак асиужеит.
Амафиатә банда еидтәалоуп. Асовет шәҟәыҩҩы
иԥхыӡгьы иаламшәац ус ибеиоу, ус ирхиоу, усҟак иҭбааҭыцәу
ауада. Алҩаҵә ахылыззуеит астол иқәжьу афатә. Рӡамҩақәа
ҭыҵәраауа, аламлашьқәа реиԥш, аҟыԥҟыԥҳәа акрыфара иаҿуп
амафиозцәа. Аҵарҭыша рызҭақәо аӡәаӡәала иааҩналоит.
Аӡәаӡәала иаанаскьарыԥхьоит. Еиқәрчаҟәа аԥарақәа рџьыба
инҭарҵоит. Изҭиуа ирацәаишьоит, изгауа иҟәнишьоит. Шаҟа
рфауа иржәуа иаҳа-иаҳа ргәалаҟара шьҭыҵуеит. «Шумел
камыш», –иаацәыригоит аӡәы. «Арҭи кочи қәмоурҭудо», –
инаимидоит даҽаӡәы. «Ои, сирун-сиирун», – ихы аҵаирхом
аԥшьҩыктәи. Аҵыхәтәан рызегьы еицырҳәоит «Интернационал», уи иалыҩуеит: «О, бара, Анҭица».
Убри аамҭазы уи ауада анҭыҵ, ахыбра ашҭаҿы, ауаа
гәыԥ-гәыԥла иеидгылоуп. Гәыԥк егьи агәыԥ ажәыларазы
рыҽдырхиоит. Агәыԥқәа зегьы излацәажәауа абызшәақәа хазы-хазуп. Инахараны, иеибархьусууеит аҳәсақәа, ахәыҷқәа.
Абар агәыԥқәа еижәылеит. Рыхәдацәақәа ҵибакааит. Абраҟа,
ҳаамҭазтәи Шекспир, ихы иаирхәар акәхоит акино. Акадрқәа
лассы-ласс рҽырыԥсахуеит. Ахаҿқәа… Ашьа зҿашәу ниаҟьар,
иаацәырҟьоит ашша зҿашәу.
Аԥсабараҿ, ухәыцыр, иҟоу зегь џьашьатәуп,
Игәоуҭаӡар, абзазара аԥхыӡқәа рахь иԥхьаӡатәуп, –
иҳәеит Дырмит Гәлиа.
Аиаша зегьы аҳәара уаҩԥсы ишилымшо анырба акәхап,
аиаша уҳәар, аԥсы даргылоит зырҳәаз.
Исымоуп ажәалагалак.
Аԥсны жәлар рфорум ауаажәларратә-политикатә еилазаароуп. Уи ақәԥара – политикатә қәԥароуп. Ирҿагылоуп
ақырҭуа националистцәеи апартиатә-биурократиатә мафиеи.
Аҭоурыхтә ус ду ҟарҵеит,аринахысгьы аҟаҵара иаҿуп нхыҵтәи
ҳашьцәеи ҳареи ҳаизааигәараҿы. Кьыԥхьла, цәажәарала адунеи ажәларқәа ираҳартә аҟаҵара иаҿуп аԥсуаа ҳазҭагылоу.
Агха змам аԥсы иоуп. Гхақәак рымазаргьы, изҿу маҷым,
иҟарҵахьоугьы рацәоуп. Еиҭасҳәахуеит, уи ауаажәларратәполитикатә еилазаароуп.
Иҳауит узеигәырӷьаша даҽа еилазаарақәак. Аилазаара
«Аԥсадгьыли» адемографиатә еилазаареи.Иахьынӡаздыруала,
аилазаара «Аԥсадгьыл» реиҳа иуснагӡатәны аҿаԥхьа
иқәгылоу акоуп – аҳәаанхыҵ иҟоу аԥсуааи ҳареи ҳаимадара,
урҭ раб иџьынџь ашҟа рырхынҳәреи рыԥсадгьыл агәбылра
ргәаҵаҿы арҿыхареи. Адемографиатә еилазаарагьы зҿу
аԥсуаа реиҳа ҳзыргәаҟқәо иреиуоуп. Ҳхыԥхьаӡара аизҳара
ацхраара. Уи аформақәа рацәоуп. Аус дуқәагьы рҿаԥхьа
ишьҭоуп. Абарҭ еиқәысыԥхьаӡаз аилазаарақәа зегьы
русураҿы аԥара рымамзар ауам. Ҷыдала сара усазҵаауазар,
ажәлар рус аилазаара аганахьала иаҿу, иазықәԥауа, есымза
ауалафахәы иоуа иртәара азхәыцра аҭахуп ҳәа сгәы ишаанагогьы, ажәлар ус еиӷьуп рҳәозар, иҟазааит. Сара сызҿу аилазаара азыҳәан аԥара еизгатәӡам. Уи иаҭахуп аентузиазм, уаҳа
акгьы. Инықәԥшшәа хьӡыс иаҳҭап «Аламыс» ҳәа. Изусҭцәада
уаҟа иалаҵатәу? Қыҭацыԥхьаӡа уҳәар, ирацәаҩхозар, ҩбахԥа қыҭа еилаланы, аӡәы далырхыр ауеит. Иалхтәуп унеишьуааишь зарҳәо ауаа. Урҭ ибзиаӡаны ирдыруазароуп аԥсуаа
ҳҵас-ҳқьабз, аламыс иашаҵәҟьеи иаҳмыхәо, аха ламысуп ҳәа
ҳазхьынҳалауеи. Мызкахьы, ма ҩымз рахьтә знык иааилатәоит.
Иалацәажәоит зҵаарак. Иаҳҳәап, ачароура. Иазкылсуеит акы. Убри ԥҟаны ишьҭырхит. Аԥсуа жәлар ирыларҳәоит.
Саԥсыуоуп ҳәа зхы аазыԥхьаӡо аӡәгьы дахымԥауа. Ачароура, аиныхра, аԥсхәра, амаҳә инашьҭра, аҭаца лҿы ахтра, шаҟа
мшы аԥсы дыкҿаҵалатәу, ажәакала, аҵас-қьабз иааҵанакуа
зегьы ирылацәажәаны, ажәытә ишыҟази аҿатә иацҵахази
еиҿырԥшны, еигьу алырхуеит. Убас аныҟаҳамҵа, аԥсуаа
иааҳадгылеит даҽа шәарҭак. Жәаҳәарада, абызшәа аныҟамла,
изыҟалом амилаҭ. Аха ахьхьаҳәа рхатәы бызшәа рҳәауа,
милаҭҵас иқәӡааргьы ҟалоит ажәлар. Урҭ ирцәыӡыр ауеит, ишысҳәаз еиԥш, рхатәы милаҭтә хаҿы. Убри аиқәырхара
хықәкыс ишьҭнахуеит зыӡбахә сымоу аилазаара. Амилаҭтә
хаҿы аиқәырхаразы аилазаара.
Иҟоуп, сгәанала, урҭ злацәажәаша даҽакгьы.
Ишԥаԥсыхәо имцу, иаҳԥырхагоу, аха зиааишьа ҳамам
апатуеиқәҵара, аибаҵәахра?
Ацивилизациа злысхьоу амилаҭқәа рҿы акьыԥхь
ианырҵоит дасу дызусҭоу аахтны. Аиакәым ҟаиҵазар, иаахтны иарҳәауан аԥсуаагьы ажәытәан. Иҟаиҵаз усҟакҵәҟьа
ицәгьамзар, аҳабла далырцон, инеиҳау цәгьаразар, далырцон ақыҭа. Ус акәымкәа, амаҳагьара бааԥсӡа ҟаиҵазар, ижәла
ихыхны, Аԥсны далырцон. Иҟан шьакаҭәаралагьы амилаҭ
рҽаныдрыцқьоз, шьала ирыӡрыжәуан рыламыс. Ажәытәан,
ус аныҟарҵоз, ҳәарада, Аԥсны уажәеиԥш атәым милаҭ рыла
иҭәымызт, аха усҟангьы аԥсуаа рхыԥхьаӡара рцәымыцхәымызт.
Асовет ҳәынҭқарра аҩнуҵҟа ҳгозар, Сталини Бериеи рхаан ауаа зҭиуаз, ипалачцәаз, ма рыхьӡқәа иаахтны ирҳәеит,
мамзаргьы џьара рхы цәыррымго, ашьшьыҳәа идыртәеит.
Ҳара, имцу ҳапатуеиқәҵара иабзоураны, ишҳалагылац иахьагьы иҳалагылоуп. Ианаамҭаз убарҭ зусҭцәоу ахьаҳамҳәаз,
иахьаҳҵәахыз
иахылҿиааит даҽа цәгьара дукгьы. Урҭ
рыӡбахә анырымҳәа, сара иҟасҵо аӡәыр иҳәараны дыҟоума
рҳәан, Сталини Бериеи анахыӡаа ашьҭахьгьы, апартиатәии
асоветтәии усзуҩцәақәак, аԥсыуаақәак, Аԥсны убасҟак ирҭиит,
ирыхшаз ракәым, рмаҭацәагьы ирызхаша аҭнырхит. Иахьа?
Иаазгарц сҭахуп ҿырԥштәык. Дызусҭоу ихьӡи ижәлеи здыруеит, исызҳәом.
Дыздыруеит аԥсыуак. Дандухалак аԥсуара чарҳәара
шазиуа рдыруазшәа, даниҵәҟьа иаԥсуа хьӡымыз ахьӡ
ирҭеит. Ижәла, ихьӡ сызҳәом. Пату зқәу жәлоуп. Ижәлантәқәа
рҟынтә саргьы исымоуп ауацәа, аҩызцәа бзиақәа. Имцу
патуеиқәҵарала сҭәуп схаҭагьы. Абри аԥсуа, шықәса
ҩажәихәба рҟынӡа Аҟәа хәшәтәырҭа дук ҳақьым хадас дахагылан. Урыстәыла аҵара иалгақәахьаны, уимоу, уаҟа аус
зуқәахьаз, аԥышәа зоуқәахьазгьы аԥсуаа аусураз ҳудкыл
ҳәа иара иҿы ианнеилак, ирхынҳәны ишьҭуан. Ҷыдала
дырҿыгәҳәаауа бзиа ибон, иаразнак аусурҭа риҭон Егры
нырцәынтәи иаауаз.
Ахәшәтәырҭа милаҭтә принципла ишьақәгылазароуп
зҳәауа дшовиниступ. Аха хьӡыс имоузеи даԥсуаны, аԥсуаа аусура рызымҭоз? Милаҭтә чарҳәаҩуп.
Еиқәаҳаԥхьаӡап уажәы тәанчара иҟоу, ацәгьеи абзиеи рҿы даннеилак аԥсуаа неиԥыланы, бзиала уаабеит ҳәа
аԥсшәа зарҳәауа уи ахаҵа шаҟа цәгьара ҟаиҵаз.
Актәи ацәгьара.
Урыстәылатәи амедицинатә школ иалгаз ахьидимкылоз цәгьара дуӡӡан, избанзар Қарҭ амедицинатә институт
аԥара шәаны иахьҭалоз, ԥарала иахьалдыргоз азыҳәан аректор абахҭа дҭаркит. Урыстәыла иалгази Қарҭ иалгази аусураз иудукыларыда ҳәа алаԥшра ануоу, ажәлар ргәабзиара
уазхәыцуазар, иаразнак дудукылароуп Урыстәыла иалгаз. Уи
милаҭс дзеиуазаалакгьы.
Аҩбатәи ацәгьара.
Аҟәа аҳақьымдаразы агәаҟра ыҟан. Аԥсны имиз, иамааӡаз
дудумкылар, дцап аҳақьымцәа ахьазымхо. Иуалԥшьа уаҟа
инаигӡалап. Убри ала уаргьы урыхәеит ҳақьымда инханы
иахьыҟаз. Уара Аҟәа далаҿоуҳәеит наҟынтәи иааз.
Ахԥатәи ацәгьара.
Адгьылқәа маҷуп, иқәнхауа мыцхәхеит Аԥсны. Ҳара ҳҿы
аҟара имаҷу атерриториаҿы абасҟак ирацәаҩны ауаа ахьынхауа асовет тәылаҿы џьаргьы иҟаӡам. Апаспорттә режим
зыҟарымҵауа еилкаауп. Бериа иполитика даҽа формакала
анагӡара иаҿуп. Иҭахы-иҭахым, убри аполитика анагӡара дацхрааит, дацхрааит акәым, аԥхӡы азкеиҭәеит зыӡбахә сымоу
аҳақьымгьы. Акгьы узахҳәаауамызт Аҟәа ииз, иааӡаз ақырҭқәа
усура идикылозҭгьы. Аха уи, ишысҳәаз еиԥш, мыцхәы
дырҿыгәҳәаауан наҟынтәи иаауаз, Аҟәа зынӡаск дҭаҩымзар,
иаҳагьы еиӷьишьон.
Исҳәап ламысла.
Аԥсны адгьылқәеи ауадақәеи ҭины амал иалатәақәоу дреиуам. Уимоу, спенсиа сызхом, усурҭак сышәҭа ҳәа рышә дылагылоуп рҳәеит иацы идикылаз, иахьа дызрырҳаз. Ихьзеи абри
ауаҩ? Иҟалоит абольшевикцәа – ленинец иашақәа ринтернационализм иахәнатәқәаз дреиуазар. Урҭ ртәала, аинтернационализм зыхьӡу еилкаауп. Уара уахьашьагәыҭу адгьылаҿ нхарҭа
умоуа уаныҟарҵалак, уаргьы убри ашәа азуҳәозар, уацхраауазар, уара уинтернационалиступ. Ҳаиҩызцәоуп, ҳаишьцәоуп,
зегьы бзиа избоит, аха изурызеи, сыдгьыл маҷуп, асҟаҩык
ҳакуам уҳәар, уара унационалиступ. Изхысҳәаауа, зыӡбахә
сымаз аԥсуа хаҵа, инаԥхы цқьоуп ҳәа ихықәаара шсылымшогьы иҟалоит «аинтернационалистцәа» ихшыҩ бжьырхзар.
Шәазыӡырҩы анаҩс уи ихьыз. Шықәсыла дышмаҷмызгьы, макьана апенсиахь дымцар ауан. Аха дызҿыгәҳәаауа бзиа иибауаз, иаргьы иҿынҵәаауашәа изырбоз, ахәшәтәырҭа уаҳа иамкуа
ианҭәы, уажәшьҭа дмыцхәхеит иара ихаҭа. Итәарҭа инкыласын,
наҟ дындәылдырԥеит. Дара ртәык днаганы днахадыргылеит.
Ҽыхәшәтәра акәым, угәы бзиазар аҩналара узымгәаӷьуа, Аҟәа
хәшәтәырҭак аԥсуаа рзыҳәан ашә наиркит аԥсуа хаҵа.
Зегьреиҳа угәы ԥызжәауа, абасеиԥш иҟоу ауаа ирыцхраауеит ииашаҵәҟьаны аԥсуара зхы ақәызҵауа. Ирыцхраауеит
ацәгьара иҟарҵауа ақәҿымҭрала. Ҳазегьы ҳҿаҳәаны ҳазмоу,
ҳазшьаҳауа, имцу ҳапатуеиқәҵароуп. Инацҵа даҽакгьы.
Ҳара-ҳара лабахыла ҳаиҿагылар… Иеилкаауп. Иаԥсыхәозеи?
Агазеҭ иузанҵом. Телехәаԥшрала рыхьӡқәа узҳәом. Жәлары
зегьы ахьеизауа шәыԥсадгьыл Аԥсны зҭиқәаз дреиуоуп абри
ауаҩ ҳәа, иуҳәауа злашьақәурӷәӷәауа адокументқәа укызаргьы, аҳәара згәаӷьуа дабаҟоу! Хәшәыс иамоу, сгәанала,
акы заҵәыкоуп. Зыӡбахә сымаз аилазаара. Аԥсуа дгьылқәа
ҭины ахә ыҵызхыз, уажәы зыбаҩқәа амадоу, ирыхәҭоу ҳара
иаҳзыҟаҵом – рыбаҩқәа ыҵхны иҳазкаԥсом. Аха аилазаараҿы
иҟаиҵахьаз иалацәажәар ауеит. Иԥсхьоу ракәым ихадоу.
Инарыԥхьоит зыԥсы ҭоу. Уара абас ҟауҵеит. Иаадыруеит.
Уаҟәымҵыр, аԥсуаа ахьеизо узцәырымҵуа уҟаҳҵоит, ужәлар
урылырцоит ҳәа иарҳәоит. Ирҳәаз хаимҵар, ажәлар ираҳартә
иҟарҵоит, абри ауаҩ абасеиԥш ҟаиҵахьеит, иаҳҳәазгьы абри
ауп, аха ҳҳәатәы хаимҵеит ҳәа.
Амаҵура ду дахагылоуп, иаҳҳәап, аԥсыуак. Уи уаҟа днаргеит еиҳарак дахьаԥсуаз азыҳәан. Усеиԥш иҟоу амаҵура
данаалартә еиԥш адыррагьы имам, ауаҩрагьы илам. Даҭахын
убраҟа аԥсыуак, иара днаганы ддыртәеит. Машәыршәа аӡәы
ҩада дрыцәҩеир ишәасҳәозеи акәымзар, усгьы қарҭаа
амаҵурахьы иҩаргауа реиҳа Аԥсны зҭиуа, аԥареи акариереи рзыҳәан дзыхшаз иангьы илмеигӡауа роуп. Усеиԥш иҟоу
аԥсуаа амаҵурахьы данҩаргалак, ҳаи, абаақәа, сара сахьаԥсуаз
азыҳәан сааргеит, ԥсыхәа зламоу ала сыжәлар, смилаҭ рзыҳәан
бзиарақәак ҟасҵап ҳәа дхәыцӡом, уимоу, иаҳагьы дааҳәны,
имилаҭ рзыҳәан цәгьарак ахьыҟаиҵара дашьҭалоит, избанзар агәра ганы дыҟоуп иара амаҵура ду дшаԥсаз, аха имилаҭ
дышгәарымҭаз, уи шгәарҭаз қарҭаа, убри аҟнытә иара ишиуалу
урҭ иаарҭаху аҟаҵара. Ишԥаизутәу убри дахьаԥсыуаз азыҳәан
мацара амаҵура ду зауз, аха аԥсуаа рзыҳәан цәгьамзар бзиа
ҟазымҵауа? «Аламыс» аилазаараҿы днаганы, ҭынч днартәаны,
иазҵаатәуп, уара узҿузеи ҳәа, насгьы иаҳәатәуп уара узыҳәан
ҳара ҳгәы иаанагауа абри ауп ҳәа.
Даҽа ҿырԥштәык. Акыр жәашықәсақәа ҵуеит Аҟәа
ақалақь аԥсуаа ахадыргылоижьҭеи. Уаҩы иԥшаар ауеит архив аҿы. Абри ашықәс инаркны абри ашықәс азынӡа Аҟәа
ақалақь дахагылан абри ауаҩ, убри аамҭазы Аԥсны имиз,
иамааӡаз, наҟынтәи иааганы абасҟаҩык ҭаҩын, абасҟаҩык,
уамак аамҭа имырԥшыкәа, ауадақәа рыҭан, абасеиԥш иҟаз
аилагарақәа ҟаҵан, абри ауаҩ абас дыҟан ҳәа зҳәауа
адокументқәа. Уи заҳҭахузеи? Еиҭасҳәахуеит, уажәшьҭа иааиуа, ақалаақь иахагылауа, сара саныҟамлогьы, ахьӡ бааԥс схылоит, ишакәым исыхцәажәоит иҳәоит, даршәоит, дыннакылоит.
Иҟоуп ақәыӡбара кьыԥхьла, иҟоуп ауаҩы иахьырхәра апрокуратуреи аусӡбареи рыла. Исызҳәазар, сара зыӡбахә сымоу
даҽакуп. Ауаҩы иқәыӡбара ламысла.
Иҳамоуп даҽа рыцҳарак.
Аԥсуа милаҭ реиқәырхара иазықәԥауа аӷацәа шрымоу ззымдыруада. Урҭ ахыцәхәыц аҟара ирацәоуп.
Дырцәымшәакәа, рыгәхьаагьы мкыкәа, дшықәԥац дықәԥо
дцалароуп уи амҩа ианылаз. Аха ирацәоуп убри амҩа ианылаз даараӡа игәы казыжьқәо. Убарҭ иреиуоуп абзиа иашьҭоу
ауаҩ икәшамыкәша ауҳәансҳәан бааԥсқәа ргәараҵара.
Ицәаԥҽыгоу ауҳәансҳәанқәа дызҿагылоу иангәарарҵауа
еилкаауп. Иеилкаауп хықәкыс ирымоу, амаҵура ду иахагылоу, акритика зизыруагьы. Аха ишԥарыԥсыхәо, зегьрыла
иаԥсыуоушәа, аԥсуара азыҳәан рхы-рыԥсы иамеигӡошәа ауаа
ирдыруа, арахь аԥсуара аиқәырхара иашьҭаҵәҟьоу рзыҳәан
ажәа бааԥсқәа гәаразҵауа, убриала ауаа зыгәра ргаша равторитет ахьԥырҽыша иашьҭоу.
Иаазгоит ааигәаӡатәи ҿырԥштәык. Обком аҿы ҳаизыргеит
аинтеллигенциеи, апартиатәи асоветтәи усзуҩцәеи, нас,
уажәраанӡа ишырҳәалоз еиԥш, аноменклатуратә усзуҩцәеи.
Сара слымҳала исаҳауан ҳҩызак дахьцәажәоз ииҳәаз.
Уи ҿырԥштәыс иааигеит абри еиԥш афакт. Қырҭтәыла
Аминистрцәа Рсовети Аԥсны Аминистрцәа Рсовет Ахантәаҩи
изаҟаразаалак рхахьы иааргауам Аԥсны автономтә республика шакәу. Урҭ агәхьаа ркым ауаажәларра ргәаанагара. Уаасгьы
ирыԥхьаӡауам аҭыԥантәи аминистрцәа. Уажәааигәа аӡәгьы
изымҵааӡакәа ирыдыркылеит Аҟәа еиҿкаахарц ақырҭуа ансамбль. Аԥсуаа интернационалистцәоуп. Рыдгьыл аҿы инхауа амилаҭқәа зегьы рхатәы культурақәа ҿиауазар рҭахуп,
иҳәеит ицәажәоз. Жәаҳәарада, аӡәгьы даҿагылауам ақырҭуа
ансамбль аиҿкаара. Аха… Аброуп иахьыҟалаз закәанс иҟоу
зегьы реилагара. Ансамбль шаҟаҩы аларҵазеи, насгьы адотациа иазоурыжьызи рыла,
иеиҿкаахаанӡа иаҵанакуа
иҟалеит актәи акатегориа. Аҽырҩырҭа адәы иқәмлаӡац аҽы
заа аԥхьахә ауҭар иаҩызахоит ари. Иҟамлац, баҩхатәрас
ирылоу аазмырԥшыц ансамбдь, иҟалаанӡа иреиҳаӡоу акатегориа иахыԥхьаӡалахеит. Ари аҩыза анраҳалак, иаҳҳәап,
аԥсуа ансамбль иалоу, ма егьырҭ ансамбльқәа, актәи акатегориа роурц жәашықәсала амҩа иқәыз, иахырҳәаауазеи, ари
иарӷәӷәома амилаҭқәа реиҩызара, милаҭк иаҳа ахылаԥшра
аҭауа, даҽа милаҭк иаҳа ауадаҩра рҭаргылара иаанагозеи? Асеиԥш ақәҵара анрыдыркылоз Аԥсны акультура аминистр, дахьаԥсуаз азыҳәан, зынӡаскгьы иахьимазҵааз уаҩы
иахиҳәаарызеи? Абас зҵаарала далгеит ари ауаҩ иажәа.
Мчыбжьык мҵыцкәа, аԥсуа ансамбль хьаас измоу џьоукы
нкылсит аус ахьызуа.
– Абри ауаҩ аобком аҿы данцәажәоз уара иуаҳазма?
– Ишԥасмаҳауаз, уаҟа стәан.
– Ажәа зимаумкызеи? Ҿымҭӡакәа утәан… Иаргьы уаргьы
шәеиԥшуп.
– Иҟаиҵазеи, ииҳәазеи цәгьарас?
– Уара иҳауҳәом, аха иаҳмаҳаз џьушьома?! Аиҳабыра
зегьы еизаны иахьтәаз, аԥсуа ансамбль актәи акатегориа замоузеи ҳәа дашшит.
– Усеиԥш шәазҳәада?
– Уаҟа итәаз. Шәеицәажәараҿ абри ауаҩ дыҟамыз? Убри
иҳаиҳәеит. Ансамбль заҵәык иҳамоу!.. Аԥсуара дазықәԥоит
ҳәа иӡбахә рҳәоит, арахь иара ҳаҵарбгароуп дызҿу. Абасоуп
ауаа шаҳзымдыруа. Адәахьы иахьҳаҳауа акы рҳәоит, аиҳабыра
рҿы ианнеилак, ҳарҭиуеит. Жәашықәсала ҳансамбль актәи
акатегориа аиурц ақәԥара иаҿын, изрышәҭазеи ҳәа иара дашшит, иаҵанакуа удыруоу? Ансамбль иалоу рхыԥхьаӡара агырхара, руалафахәы армаҷра, арепертуар аркьаҿра, ажәакала,
ансамбль арҿиаратә мчқәа рырԥсыҽра, шьҭахьҟа агара, –
рыԥсахы ԥыжәжәон урҭ ауаа.
– Шәара иаашәҳәо зегьы иашоуп, аха рыцҳарас иҟалаз,
уи ауаҩ ииҳәаз ус акәӡам. Ишиҳәаз абасоуп, абар сыблокнот
иахьану. Ихашәымҵозар, абарҭ ауаа шәразҵаа. Ашаҳаҭцәа
рацәаҩуп. Сызлашәыҳәо, шәаҟәыҵ, уажәы убри абз хәымга
иаҳәаз алацәажәаха ҳамам.
Акыр мшы убри аус архара ҳаҿын. Аиҿагылара, ажәа
хьанҭақәа реибыҳәара. Изхысҳәаауа, ҳахькылсызоуп. Иӡбаны
ишьҭаҳхит. Абри аус иалахәыз аӡәгьы ҳҿы иааҭыхны џьаргьы
иаҳҳәом. Аӡәгьы ихьӡ ӡыраагом. Иԥхашьароуп. Ҩыџьа ирыдамхаргьы, аԥсуаа рыгәқәа нибамырхароуп. Ҳаидгылароуп.
Абри астатиа зҩаанӡа, сҩызак иасҳәеит абасеиԥш зҩырц
сгәы иҭоуп, иӡыргазааит, ҳалацәажәап ҳәа.
– Иаԥсам. Ҳазҭахым ҳахнарччоит. Иашагәышьоуп,
иаҳԥырхагоу апатуеиқәҵара ҳамоуп. Ҳаицәыԥхашьаны,
иаҳамҳәақәо рацәоуп. Суқәшаҳаҭуп, уи аԥсуара иазеицәоуп,
аламыс архәымгоит. Аха уажәы уи аамҭа ҳамам. Иаҳҳәап, аԥсуа
ансамбль дазашшызшәа, иимҳәаӡаз иҳәазшәа, иажәа аарҳәны
аиҭаҳәара, угәы иалымсын, аха уҳәансҳәануп. Ауҳәансҳәан
алацәажәара иаԥсоума, ахаҵа иаҭәоума? Уԥсҭазараҿ, сҩыза,
уқәныҟәала ԥҟарак, даҽакала иуҳәозар, ажәаԥҟак иуанаҳәауа
аҟәыӷара: «Ала шуеит, аҽы ҳәуеит».
Егьа убас иҟазаргьы…
Ааигәаӡоуп, сара иахьынӡаздыруала, ақырҭқәа аҳәара ианалагаз ақырҭуара ҳәа. Урҭ милаҭкны, милаҭтә хаҿык рыманы
иахьагьы цқьа ишьақәымгылац.Ажәа «русскость»,аурысра сара
раԥхьаӡа сахьаԥхьаз академик С. Д. Лихачиов иҩымҭаҿоуп.
Уи иахьагьы иԥсы ҭоуп. Урҭ амилаҭқәа иаҳа ишьҭаханы иҟан
ҳәа сҳәазшәа еилкаатәым. Аԥсуаа рҭоурыхтә ҭагылазаашьа
убас иҟалеит, рхатәы милаҭтә хаҿы аԥырҵеижьҭеи, даҽакала
иуҳәозар, аԥсуара ҳәа рҳәауа иалагеижьҭеи, шьардаӡа ҵуеит.
Исыздыруам даҽа милаҭк ирыманы, зегьреиҳа иԥшьоу
ныҳәаҿоуп ззуҳәаша, ҩ-ныҳәаҿак – Аԥсуара, ажәлар
рныҳәара. Ҵаны, аҵыхәтәантәи аамҭазы ианыԥшуа иалагеит акыр ажәашықәсақәа раахыс иахьацрасуаз – ажәлар
анцәа иныҳәааит анырҳәауа, инацырҵоит аԥсуа жәларгьы
убраҟа иналаҵаны ҳәа. Аԥсуаа рныҳәара иаанагауам даҽа
милаҭк ирылукьуашәа, даҽа џьоукы ушәиуашәа. Анацәа зегьы
пату рықәсҵоит, аха сара сзыхшаз сан зегьы дреиӷьасшьоит
зҳәаз ауаҩ иаҳагьы игәра угоит, ииашаҵәҟьаны анацәа пату
шрықәиҵауа. «Анцәа иныҳәааит аԥсуаа…»–нас иҭахызар
инациҵааит егьырҭ ажәларқәагьы.
Зеилкаара ус имариам, даараӡа узырхәыцша акоуп аԥсуара ҳәа изҿу. Убри иаҵанакуа, убри аилкаара ду
ҳмилаҭ иаԥырҵауан шәышықәсала. Аҭоурыхҭҵааҩцәа цқьа
иҭырымҵаац, аха сара иахьынӡаздыруала, аԥсуаа рмилаҭтә
хдырра еиҳараӡак иҳаракын, убри иабзоураны рыԥсадгьыли
дареи иаҳа еиқәиҭны егьыҟан ажәаатәи ашәышықәсазы.
Аԥсуаа адунеи иқәнагалазараахыс изҿу рыԥсадгьыл ахьчароуп. Убри аҟынӡа ианнеиуаз ыҟан, аҽага аниҟьозгьы, изқәа
икыдын ашәақь. Иԥсадгьыл аиқәырхара дааҟәымҵӡакәа
азхәыцтәыс ишимазгьы, уи даҿын даҽакгьы – даҽаӡәы
диламҩашьауа имилаҭтә хаҿы аԥҵара. Аԥсадгьыл зхы
ақәызҵаз афырхаҵа ражәа дшалаз, рашәа шизкыз еиԥшҵәҟьа,
ауаҩы ламыс, ауаҩы аамысҭашәа, аԥсуара зегьрыла
иныҟәигоит ззырҳәауа, аҳаҭыр ду иқәун, иҟаиҵауа хаҵарак
иадкыланы иахәаԥшуан. Ус акәымкәа, аламыс аҳәаақәа
ирҭыҵыз, Аԥсадгьыл чарҳәара азызуз иеиԥш иқәыӡбауан.
Иҟаиҵаз ацәгьара зеиԥшроу гәаҭаны, аҳабла далырцон, ақыҭа
алалара азин имырхуан, иҟалон Аԥсны данықәырцоз, уимоу,
илеигәыдҵаны даныршьуазгьы.
Ухы иазыууа, уаӷагьы иузиуам рҳәоит. Жәаҳәарада, Сталини Бериеи, нас дара рмилаҭ ахаҭарнакцәақәаки аԥсуаа
ирзааргаз атрагедиа аҟараҵәҟьа ҳзызуз аԥсуаа ҳамоуп ҳәа
ҳәашьа амам, аха уеизгьы, аԥсуа милаҭ даараӡа ацәгьарақәа
рзызухьоу аԥсуаа рацәаҩуп. Џьоукы иаҳҳәап, мраҭашәара
аганахьала Аҟәа уанналсуа, Қарҭ иҭахаз рзыҳәан абаҟа зыргылаз, ақырҭқәа ааганы рнырхара хацәнымырха иацхраауаз
иеиԥш иҟоу, рдунеи рыԥсаххьеит, даҽа џьоукы, игәыԥжәагаха,
иахьагьы ҳадгьыл иқәныҟәоит, ианааҳԥылалак, ишԥаҟаҳҵари,
ҳаԥсыуаауп, ԥхашьароуп ҳәа, иҟарҵахьоу ацәгьара
раҽԥныҳәара ацымхәрас, рнапы аанкыланы, аԥсшәа раҳҳәоит,
ҳчеиџьыка иахаҳартәоит, рчеиџьыка ҳҽаҳарҟьашьуеит.
Ирыԥсыхәозеи?
Сгәанала, иԥсхьоугьы, абасеиԥш ҟарҵахьан ҳәа рыхьӡқәа
ҳәатәуп, зыԥсы ҭоугьы ираҳәатәуп, иҟашәҵахьоу абасоуп,
ишаадыруа жәдыруазааит, аринахыс шәанаҟәымҵ, ажәлар

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3343Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3260Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3251Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3279Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3334Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3379Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3435Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3357Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21870.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3365Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3377Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21620.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3298Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3263Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22070.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3298Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3296Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21890.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3260Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3311Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22960.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3408Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3367Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3357Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3305Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20540.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3288Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3251Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3333Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3272Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3288Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3349Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21890.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3314Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3326Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 22Unikal süzlärneñ gomumi sanı 200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.