Latin

Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29

Süzlärneñ gomumi sanı 3288
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Борис, аԥсуаа изырҳәаз, ухатәы ӡбаны, ӡбара уцала ҳәа.
«Бзыԥ», 1990

ЖӘЕИНРААЛАК АКӘША-МЫКӘШЕИ
ԤСҬАЗААРАТӘ ПАРАДОКСҚӘАКИ
Дызусҭада, дарбан ҟәыӷоу иахьатәи амш ҳҿаԥхьа
иқәнаргылаз азҵаарақәа рҭак ҳазҭауа?
Мыцҳәаҩ иԥҳәыс гәырӷьа дагеит иҳәеит. Уахьлы­
ҵашьыцқәаша ыҟоуп уи, мыцҳәаҩ иԥҳәыс. Дқәыԥшын, рыцҳа,
лхаҵа иааиҳәоз агәра лгон. Нымха-хымҵәак иакәхарын лхаҵа.
Аха уаҵәы сшынхауа, изакә малу исоуа, изакә ԥсҭазара ссиру
ибысҭауа ҳәа аҽхәара даналагалак, Санчо Панса игәра шигоз еиԥш Дон Кихот, лхаҵа игәра лгон уи аԥҳәыс. Даныцәалак
аԥхыӡ хаақәа дрылан, данааԥшлак мҵәыжәҩада дԥыруан.
Абас мацара ишааиуаз, лықәрахь днеит, дажәит, дхымхәахеит
уи аԥҳәыс. Дахьтәоу дзымгыло дҟалеит лхаҵагьы. Ирфо,
иржәуа рымам. Ԥшь-шьапык зҵоу рахәык рашҭа иҭам. Рыҩны
акәзар, алыхәҭа иаҩызахеит ахыб. Уажәшьҭа илбагәшьеит
лхаҵа иааиҳәоз зегьы шымцыз, лқәыԥшра, лыуаҩра баша аӡы
ишалҭаз, лажәымҭагьы шыцәгьахаз.
Абра иҟоуп ҳара ҳзыргәаҟуа азҵаара. Илзеиӷьу илзеицәоу
аҭакәажә, лхаҵа дшижьауаз, дышмыцҳәаҩыз ахьылбаз? Издыруада игәра шылгац илгауа, лынарцәмҩа данықәлауа
аҽынгьы, даҽа мышқәак сзымнеит акәымзар, хымԥада, схаҵа
иааиҳәоз зегьы ҟалауан, зегьы соуан, аҳкәажә сара сакәхон
шылҳәауа лынарцә мҩа днықәлар лзеиӷьызҭгьы? «Тьма низких истин нам дороже нас возвышающий обман», –иҳәеит
апоет. Лафмкәан иаҳҳәозар, издыруада зхаҵа мыцҳәарала
ирчоз уи аԥҳәыс, лажәымҭазгьы лмаҭацәа, аҭыԥҳацәа ссирқәа
ааизганы иралҳәар, нанраа, сара сыԥсҭазара баша, амцҳәаҩ
игәра шызгауаз имҩасит, сара исыхьыз шәара ишәмыхьын,
даҽаӡәы ииҳәауа шәазыӡырҩы, аха шәара шәхатәы шәхала
анцәа дшәымшалан ҳәа ралҳәар иаҳа еиӷьзар?
Руак аллымхыр ада ԥсыхәа лымамкәа иааҭагылаз убри
аҭакәажә дааугәаланаршәоит иахьатәи ҳара ҳҭагылазаашьа.
Ҳара игәаӷьны иаҳзымҳәар, аԥсҭазара иара ахала аҭак
ҟанаҵоит аҭакәажә лажәымҭазы лҿаԥхьа иаацәырҵыз
азҵаара. Ус анакәха, иҳамҳәар ԥсыхәа ҳауам: ианба, ианбыкәу
раԥхьаӡа агәра анаҳгаз уи амц?
Иахааныз, уимоу, агәҭаҵәҟьа иалагылаз ишԥары­
дыркылеи? Издыруада ирыхьзар даҽакы?
Аӡыршы иацәшәаз амца далаԥалеит.
Еицәоу умбакәа, еиӷьу уздыруам. Аха дарбану уаҵәтәи
амш иаҳа еиӷьхоит ҳәа имгәыӷыц.
Аԥсны, ишдыру еиԥш, Асовет мчра шьақәгылеит март
ԥшьба, 1921 шықәсазы. Ишьақәгылаҵәҟьаз, аҵыхәтәан излеилкаахаз ала, Асовет мчра акәымзаарын, ишьақәгылеит
абольшевикцәа рдиктатура. Иара ахаҭа ишԥаԥылеи усҟантәи
ҳҟәӷацәа, насгьы изеиԥшрааз уи иацааиуаз аамҭа? Абасеиԥш
азҵаара уаԥхьа ицәырымҵыр ауам уажәтәи ҳҭагылазаашьа
уаназхәыцлак. Зықьи жәышәи жәаа шықәсазы, ҩынҩажәа
мшы реиҳа изымнеиз Аԥсуа коммуна, ашьҭахь, Аԥсны
ишьақәгылеит аменшевикцәа рымчра. Усҟантәи ҳҟәыӷацәа,
аӡәык-ҩыџьак иҳамаз ҳҵарауаа, убри амчра ишазыҟаз
ҳхаҿы иааҳамгакәа, еилкаашьа ҳзаҭауам ашьҭахь, ҩажәиак
шықәсазы иааиз, ма абас изрыдыркылаз, мамзаргьы егьис,
даҽакала изазыҟаз.
Иҟалап амаалықь иакәзар аҩсҭаа даҩысҭааны дҟазҵаз.
Амаалықь изҵаарақәа нымҵәаӡеит, аҩсҭаа иидыруаз зегьы
иҳәар акәхеит. Иидыруаз зегьы аниҳәа, уаҩысҭаауп иҳәеит.
Ҳазҵаарақәа, цәамҩахә-тәамҩахә ҳамҭауа ҳандыргәаҟуаз
аамҭазы, иҳаиҳәозеи ҳәа ҳзызҵаауа, ҳәарада, раԥхьа дгылоуп,
ҳаблахтҩы, ҳҟәыӷа ду Дырмит Гәлиа.
Иаақәсхит иҩымҭақәа реизга актәи атом. Уаҟа иану
ипоезиатә рҿиамҭақәа роуп. Аԥсҭазара аҽанеиҭанаклак,
аҽеиҭанакуеит ауаҩы ихәыцшьагьы, насгьы уаныхәыҷыз, мамзаргьы уанқәыԥшыз узыԥхьаз аҩымҭа ушазыҟаз, ишеилукаауаз, аамҭа анынаскьалак, ууаҩра уанааҭалалак, зынӡаск даҽакы
уанаҳәоит. Аԥышәара… Дааҟәымҵӡакәа аԥышәара дахысуеит
ашәҟәыҩҩы. Аԥышәара дахысуеит иԥсы анҭоу, аԥышәара дахысуеит иԥсҭазара даналҵлак ашьҭахьгьы. Иара, Дырмит ду
иԥсҭазара уҩырц азыҳәан, иумазароуп Моруа ибаҩхатәреи
идырреи. Уи даҽа усуп.
Азҵаарақәа, азҵаарақәа…
Исоуҳәозеи, ҳаблахтҩы?
Иажәеинраалақәа акы снаԥхьеит, даҽакы…

Ҿырҳәала аизарақәа рҿы иааҳҳәақәоз, арҵага шәыҟәқәа
ирныз, ҳарҵаҩцәа иҳаилдыркаауаз… Урҭгьы даҽа блак, даҽа
хшыҩҵакқәак… Издырқәо, сгәалашәараҿы иаанхақәаз…
Абри закәу жәеинраалоузеишь, самыԥхьеижьҭеи акраа­
ҵуеит? Насгьы еизарак аҿы аӡәы даԥхьауа, статиак аҿы аӡәы
ацитата ааиганы исгәалашәауам, рҵага шәҟәыкгьы ианым.
Знык саԥхьеит. Иуаҳахьоу, иухашҭны иҟаз мелодиак ҿыхазшәа,
гәҭыхақәак, хьаақәак рцәаара… Цәаҳәа-цәаҳәа сааҭгылауа,
иаахтны исеиҳәақәаз раамышьҭахьгьы, иажәа иаҵаҵәахузеи,
гәҭыхас-хьаас имаз ҳәа сназхәыцуа сҿынасхеит.
Ианбааҩи абри ажәеинраала, убасҟан изиҩызеи?
Иахьеиԥшқәоу рацәоуп ашәҟәыҩҩи ашәарыцаҩи.
Агыгшәыг анаацәырҟьауа блеихаҟәысрак иналагӡаны дхысроуп ашәарыцаҩ. Маҷӡак иԥасаны, мамзаргьы икьасаны
данхыс, баша ихы кашәоит. Ашәҟәыҩҩы иажәа ианаамҭоу
изҳәазар, абџьарқәа иреиҳау абџьархоит иажәа. Иҟоуп
ашәҟәыҩҩи ашәарыцаҩи злеиԥшымгьы. Ашәҟәыҩҩы иажәа
хәырбӷьыцзар, ашәарыцаҩ ихызаҵә ԥсҭыхгоуп. Дырмит Гәлиа
изныкымкәа дҭагылахьан убасеиԥш аамҭа, иажәа ианаӡбуаз
аԥсуаа рлахьынҵа. Асеиԥш иҟоу аҭакԥхықәра ашәҟәыҩҩы
изыҳәан егьынасыԥуп, аха егьылахьыцәгьароуп. Иҳәаҵәҟьарц
ииҭаху ҵәахны, иахьатәи амш азыҳәан ижәлар иаҳа ирыхәаша
имҳәар ада ԥсыхәа имамкәа дҭагылар алшоит.
Агәаҳәареи аԥсҭазара иднаҵауеи…
Дыззыԥшыз, дзызхьуаз, аха иҟалаҵәҟьаз зеиԥшроу…
Иааҳгап аамҭак. Ҩажәиак шықәса рзыҳәан Аԥсны Асовет мчра шьақәгылеит. Уи аамҭа аира апоет дшазыԥшыз атәы
уажәшьҭа ҳалацәажәап.
Асовет мчра анааи, деигәырӷьаҵәа статиақәак иҩит. Астатиа, ишдыру еиԥш, аҩра иаҳа имариоуп ашәҟәыҩҩы изыҳәан,
асахьаркыратә ҩымҭа аасҭа. Аамҭа анаабжьыслак, ҳәарада,
ажәеинраалақәагьы иҩуеит, Асовет мчра дазышәаҳәоит ҳәа
уаҩы игәы иаанагауан.
Ицеит амзақәа, ицеит ашықәсқәа. Акы, ҩба
ракәымкәа, жәаба рҟынӡа. Иҟалазеи, ихьзеи, жәеинраалак
зимпыҵымҵызеи апоет?
Имариоу зҵаарам. Аха уажәы сара сзыргәаҟуа даҽакуп.
Ҩажәиак шықәса иацааиуаз, аменшевикцәа рхаантәи
аамҭа дышԥазыҟаз? Уи дшазыҟаз анеилаҳкаалак, нас егьи,
ҩажәиак рзы иааиз дшазыԥшыз аилкаара иаҳа имариахоит.
Инҭырҭәааны иаҳзымҳәаргьы, ҳазааигәахар здыруада даҽа
зҵааракгьы аҭак. Ҩажәиак шықәса инаркны жәашықәса
изҿнамҭуаз ипоезиатә гәаҳәара?
Еиҭахсыртлан сеиҭаԥхьеит асҟак сылаԥш зыдхалаз, хыхь
зыӡбахә сымаз ажәеинраала. Иахьӡуп уи «Сбаҳча».
Ауаа ҭацәқәа аӷьӷьа-гәгәаҳәа ианеилоу, ҿымҭ, ашьшьыҳәа,
иҽыԥхьак иаагылаз аҟәыӷа иеиԥш, Дырмит Гәлиа егьырҭ
иажәеинраалақәак иԥхеибарс ԥхьаҟа ианцәырҵуаз, уеизгьыуеизгьы ҳажәбароуп ҳәа рхы анӡырыргоз, ари ажәеинраала,
саргьы саамҭа ааихра иҟоуп аҳәозшәа, аҽыԥхьакны игылан,
игәазҭозгьы наҟ инавсуан, арахь иара иакәзар, иаҳәауагьы
рацәазаап, аҳәашьагьы ԥшӡазаап. Имҽыӷцәаны исҳәеит ауаа
ҭацәқәеи ажәеинраалақәеи ахьеиҿсырԥшыз, аха иԥсыҽу
аҩымҭақәа, уимоу, зынӡаск реиҭаҭыжьра иаԥсаӡақәам
ҩымҭақәак змам шәҟәыҩҩы дузыԥшаауам. Усеиԥш иҟоу
аҩымҭақәа еиҳараӡак ирацәахозаап аҭоурых хықәк
аҿынтә даҽа хықәк ашҟа ианисуа аамҭазы. Иҟалаҵәҟьази
изызхәыцуази…
Ажәеинраала «Сбаҳча» усҟак идуцәам. Ишеибгоу иаазгоит:
Сбаҳча ԥшӡа, сгәазырҳага,
Игәырӷьахәын, иԥсҭаҵаган,
Иҟато иҩеиуан ииаҵәаӡа,
Ԥхасҭа амамызт уи зынӡа.
Аҭыԥҳацәа, ӡара еихатырқәа,
Арԥар шьахәқәа, аԥелуанқәа,
Ахьы-раӡны ҽаргацәа,
Неи-ааирҭас ирыман абра.
Ажәа хаақәа рԥышә иқәкын.
Ацәгьа-абзиа дара ирԥхықән.
Анхара уҳәа, аҩнрақәа
Ртәы акәын ирҳәоз иара убра.
Абар, иасит ҩадахьала
Аԥша, анаатә хаҿцәгьарыла.
Иархәеит амахә рыхәҭагьы,
Иӷәых иагеит рыбӷьқәагьы.
Ауаа шәаӡыӡо уа инҭыҵит,
Аԥштәы иахаз наҟ инахыҵит.
Ашәҭ абаҟаз, зегь каԥсеит,
Ԥҳәызбеи ҷкәыни зегь цақәеит.
Лаԥш цәгьак уа инахьысит,
Уи хьаала сара инасысит.
Сбаҳча баҳчам, аҽакхеит,
Ахи аҵыхәеи зегь ҭацәхеит.
Иацәыӡит уи алашара,
Ихәашьит абла ҭыԥхаара.
Гәырӷьеи ччареи рцымхәрас,
Бжьык ааҭыҩуеит мыткәмаҵас.

Арҵаҩы дышразҵаауа еиԥш аҵаҩцәа, ҳхы иаҳҭап
азҵаара: изакә жәеинраалоузеи ари, иҳанаҳәозеи?
Ауаҩ ҟәыӷа дуцны амҩа уқәзар, шаҟаамҭа амҩа
шәықәу, убасҟак иҟәыӷара шузаатуа еиԥш, уаԥхьаны
уеиҭаԥхьацыԥхьаӡа, аҽаанартуеит, ҭоурых аамҭа дук
уагәыланарԥшуеит. Иарбан сахьаркыратә ҩымҭазаалакгьы,
азқьышықәсақәа раԥхьа иҟалахьоу ҭоурыхтә хҭыск иазкума, азқьышықәсақәа анцалак иҟалауа ҳәа дазхәыцны,
фантастикатә ҩымҭак аԥиҵама, ианымԥшыр ауам ашәҟәыҩҩы
дызхаану иаамҭа. Ҳәарада, ари иаанагауам партиатә қәҵарак
анааҟалалак иақәнагахаша аҩымҭа аԥҵара.Аофициалтә хьааи,
аофициалтә, ақәҵаратә гәырӷьареи ракәымкәа, инарҵауланы
ажәлар хьаас ирымаҵәҟьоу, ргәы-рыԥсы иалоу рхәыцра,
рыгәҭыха шаҟа иаанарԥшуа, убасҟак изаамҭанутәи ҩымҭахоит,
убасҟак ирыдыркылоит, иргәаԥхоит ашәҟәыҩҩы дызхаану иаԥхьаҩцәа. Ари иаанагауам инеизакны жәлары зегьы
ианыргәамԥха, ианрыдрымкыла, мамзаргьы инеибанеиԥшны
зегьы ианырзеилымкаа, уи ихьысҳау ҩымҭоуп ҳәа. Уаԥхьаҟа
инеиуа ауаҩ убасҟак днаскьар ауеит, улаԥшҳәаа дацәыӡыртә.
Уара уқәуз уи имҩа. Ухаҭа уихьымӡар, ихьӡап ушьҭахьҟа
иааиуа,уара иуҵагылаз. Ашәаԥыџьаԥ унарылаԥшыр, ааԥынроу
ҭагалану, иарбан аамҭоу шудыруа еиԥш, асахьаркыратә ҩымҭа
уанаԥхьа, инарҵауланы иеилукаарц азыҳәан, иудыруазроуп уи аҩымҭа анаԥҵаз аамҭақәа рзыҳәан «аҳауа» зеиԥшраз,
изакә бжьыз ашәҟәыҩҩы игәлымҳа иаҳауаз. Дырмит Гәлиа
иажәеинраала «Сбаҳча» иҩит 1920 шықәсазы, иара убасҟан,
сентиабр мзазы ианиҵеит агазеҭ «Аԥсны».
Маҷк ҳазыхынҳәып убри аамҭа.
Ишдыру еиԥш, жәибжь шықәса, ԥеруал мзазы аурыс император иаҳра мап ацәимкыр амуит. Урыстәыла
иҟалеит аамҭалатәи аиҳабыра. Уи иаанагоз, наҟ-наҟ, иана­
зыҟаҵахалак, ианазырхиалак, иҟалоит алхрақәа, иқәыр­
гылахоит аконституциатә еиҳабыра ҳәа. Аха абольшевикцәа,
абџьаршьҭыхрала, аҳәынҭқарра аадырҳәит. Иаарласны ахыр­
харҭа бзиа, ахырхарҭа иаша алырхит аԥсуаа. Шәышықәса
инареиҳаны убри аԥхьа издылахьаз Урыстәыла ишьҭнахыз
амҩа даргьы анылеит. Зыхьӡ зхырххьаз рыԥсадгьыл Аԥсны ахьӡ
аздырхынҳәит. Аимператор Аԥсны иахьӡиҵаз – Аҟәатәи аокруг
Қәҭешьтәи агуберниа – иара дахьцоз инаицҵаны ирышьҭит.
Иԥсадгьылаҿ даԥшәымахеит уи адгьыл иашьагәыҭыз – аԥсуа.
Иҵит мчыбжьык, инахысит мызкгьы. Изеиԥшраз агәалаҟара
убри аамҭазы апоет ибаҳча ԥшӡа? Убри аамҭа, игәрӷьахәыз
аамҭа, даҽакала иуҳәозар, ианааԥынраз, иазикит ажәеинраала
актәи ахәҭа.
Ҩ-ажәак еихысҳәаалоит. Аҩажәижәабатәи ашықәсқәа
инадыркны, аамҭацәгьа ҳҭамшәакәа ҳааиуазҭгьы, иеиҵа­
гылазгьы аԥсуа профессионалтә композиторцәа, сара агәра
згоит, иахьа уажәшьҭа иаԥырҵахьазаарын абри ажәеин­
раала иалху асимфониа. Убри азыҳәан ажәеинраала ахаҭа
иаҵыҩны игоит ашьҭыбжьқәа. Иалагоит уи асимфониа
аԥсабара аҿыхарала. Игәахырҵаагаз ахьҭа ниасит. Иӡыҭит
ашьашьалқәа. Акәараҷҷақәа рышьҭыбжьқәа дыргеит. Инеиқә­
ҿырҭ-ааиқәҿырҭит ҵарақәакгьы. Асы нықәӡыҭны ианцалак, ашьац иаҵәара аҳәиҵә ҳәа аҿанаанахо еиԥш, зегьрыла аԥсабара ҿыхеит, аԥсы ҭалеит, аԥсҭазарахь, амра лашарахь инеихеит. Инахараны, иаҳа-иаҳа иааигәахо, иааҩуеит
аҭацаагарашәа. Рысабицәа аарымпыҵыкәкәааны изҭиуаз
ҭауадаа Аԥсны иахыӡааит, аԥсуаа зыгәра гам жәларуп,
ишәзықәцо ықәшәца, иаанхауа амшын ахықә аҿы анхара азин рышәымҭан зҳәаз аимператор дкыдҵаны дыршьит.
Иҟалоз милаҭрацәала еилоу аҳәынҭқарра ду, уи бзиоуп, ҳаргьы
аӡәы ҳәа ҳнарылагылап. Иҳамоуп даҽакы иаламҩашьауа
абызшәа, аламыс, ахымҩаԥгашьа, ауаҩра. Иҳамоуп адоуҳатәи
аматериалтәи баҟа дуӡӡақәа. Уи азыҳәан мацарагьы иарбан
милаҭ дуу зышьҭахь ҳгылауа. Асеиԥш ихәыцуаз:
Ажәа хаақәа рԥышә иқәкын,
Ацәгьа-абзиа дара ирԥхықән.
Анхара уҳәа, аҩнрақәа
Ртәы акәын ирҳәоз иара убра.

Ҳцәажәара иналаҳҵоит: аԥсуаа иаҳзауам, иҳақәым аӡәы
ҳнаимпыҵыҵыр, даҽаӡәы днаҳақәлоит ҳәа. Иаҳхаҳаршҭлоит
акы. Ус иҟоу аԥсуаа ҳамацара ҳакәӡам. Ацивилизациа ду
злысхьоу ҳәынҭқаррақәак ргәылацәа ракәымзар, адунеи аҿы
амилаҭ маҷқәа зегьы усоуп ирлахьынҵоу. Еиҳарак уи аҩыза
алахьынҵа рԥеиԥшуп аԥсуаа ҳадгьыл еиԥш иҟоу адгьыл
иану ажәларқәа. Ауаҩытәыҩса дызшоз ус дишеит, уи аҩбагьы
еицилоуп: асыс-мҟаагьы даҩызоуп, ижьышауа ақәыџьма
аҟазшьагьы ицәа иалоуп. Џьанаҭ иаҩызоу Аԥсны ԥшӡаҿы
уара, уи адгьыл иашьагәыҭу, уаԥшәыманы, уи аҳауа зҩыда
уалачауа, аԥсабара ԥшӡа уалагәырӷьауа, ишуҭаху уҿиауа,
иузҳауа – ари аҩыза анасыԥ уаҭәаршьома, иуанарыжьуама иаҳа зымчхара ыҟоу, иаҳа иҿиаз. Ма мчыла дуабашьны
унасыԥ уалхәдаитәуеит, уԥсадгьыл умаикуеит, мамзаргьы саб
рыцҳа џьоукы рзы иҳәалон еиԥш, иахьа уашҭа аԥынҵаҿынӡа
иааиуа, нас убарҵа иҵалауа, ашьҭахь, ҳәазарыла, қьақьарала
уҩны агәҭа иныҩнатәауа, гызмалрыла улахьыцәгьартәуеит.
Иуҵаигалаша, иузиӡбыша хыцәхәыцла ирацәоуп. Иамуӡар,
имыӡбуеи Крылов иқәыџьма иаӡбаз. Џьара хҭынҟьак анаҭар
акәын асыс. Изыхнарҟьазеи? Аԥсуааи қырҭуа ҵарауаақәаки
еицәажәауашәоуп уи ажәамаанаҿы ақәыџьмеи асыси
шеицәажәауа. Иҿажәкуаз асыс иажәырц аӡыхь инахәеит. Сара
истәуп ари аӡыхь, уара ишԥоугәаӷьӡеи ҿамҩак ажәра аҳәеит
ақәыџьма. Иаманакит. Ақәыџьма асыс иазнауз еилкаауп. Абар
апоет ибаҳча ишазныҟәаз:
Абар иасит ҩадахьала
Аԥша, анаатә хаҿцәгьарала.
Иархәеит, амахә рыхәҭагьы,
Иӷәых иагеит рыбӷьқәагьы.

Адунеитәи алитератураҿы ирацәоуп аҿырԥштәқәа,
жәеинраалак романк аҟара ануанаҳәауа. Сара сроман «Аибашьреи аҭынчреи» Михаил Лермонтов иажәеинраала «Бородино» иахылҵит иҳәон Лев Толстои. Аԥсуа литератураҿы убас
уахәаԥшыр ауеит Баграт Шьынқәба иажәеинраала «Амҳа­
џьырра ргарашәа». Ихаҭа данқәыԥшыз ииҩыз ажәеинраала
иахылҵит иҭәымҭазы ииҩыз ароман «Ацынҵәарах».
Ажәеинраала «Амҳаџьыраа ргарашәа» аӡбахә анысҳәа,
ианбыкәушь, абри анбаиҩи ҳәа снахәаԥшит. Даараӡа
иџьасшьеит. Сашәаҳәара ахьшь аанагома ҳәа изхәыцуам
ардәына. Уи ашәа амҳәар, аԥсы еихәлаханы, агәы ԥжәаны
иԥсуеит. Апоет имҩыр ауамызт, иҩит, аха изакә разҟузеи
деиқәзырхаз! Леонти Лабахәуа дзықәдырӡыз ажәеинраала,
угәаларшәаны, уанрыԥхьалак Баграт Шьынқәба абарҭ
ицәаҳәақәа:
Уандухалак Амшын Еиқәа
Ур, уҩныжәқәа имыӡӡахьоу,
Аҟарма рыҟәных архнышьнақәа,
Амца еиқәуҵап ицәахьоу!
Асаба ақәтәа аҩны архәараҿ
Иубоит аҳәа мҩашьахуа,
Икных, икных! Уи ақәԥараҿ,
О, изылшода иалшахуа…

Иумҳәар ауам апоет ихала ихәда ашаха ахаиршәит
ҳәа. Аха, сгәанала, иҟалаз уиоуп, аиҵабаа-хәаԥсақәа Самсон
Ҷанбеи Леонти Лабахәуеи ршьала рҿажәкра хырҽижьҭеи
уамак ҵуамызт, даҽа шьак иазхьыртә имҿажәкыцызт, насгьы
иҟалеит даҽакгьы. Ажәеинраала иҩит ҩынҩажәа шықәсазы.
Икьыԥхьаанӡа, нас ацәгьаҳәаҩцәа аԥхьаанӡа, аибашьра
ҟалеит. Аурысцәа рҳәашьа, анасыԥ аныҟамла, анасыԥдара
ихәеит.
Сажәа инацысҵап. Убарҭ, романк аҟара ҳазҳәауа
ажәеинраалақәа лакҩакрада ирхуԥхьаӡалартә амҽхак
ҭбаауп, иҵаулоуп Дырмит Гәлиа зыӡбахә сымоу иажәеинраала
«Сбаҳча».
Издыруада ҳҳәынҭқарра иахьа уажәы изҭагылоу агәаҟ­
рақәа рхы ыҵырхызар убасҟан. Атәра аԥаҳхит, аӡәы даҽаӡәы
ихәда дықәтәауа иҟалом шырҳәауаз, ирызгәамҭаӡакәа,
ашьшьыҳәа иит, иҿиеит зынӡа аҵкыс иеицәаз. Иахьмаҷу
иахҟьаны зымч мхауаз амилаҭқәа рыхәда инықәтәеит,
иахьырацәаз иабзоураны мчыла иеиҳаз. Даргьы гәырӷьаҵәа
рҿынархеит ҳара зинла ҳаиҳауп, избанзар ҳаиҳауп мчыла
ҳәа. Усҟан ирхашҭит аԥсабаратә закәанк. Сара сыхәда уара
уқәтәеит. Аидара сцәыхьанҭоуп. Ишысҭаху сшьапқәа сзеихыгом. Аха уара? Сыхәда иқәтәоу? Уара унапқәа, зҿузеи
усҟан? Иумпыҵарӷәӷәа уҩнапык рыла иукызароуп исҿоуҵаз
аӷәра. Мап анакәха, лацәааихьшьрак иадамхаргьы, унапқәа
анааԥсыҽха, уаӷәра наумпыҵызжәоит. Уара иушьаҳаит
сара сшьапқәа, сара иҿасҳәеит уара унапқәа. Аӡәымкәа
афилософцәа ирҳәахьеит: даҽа жәларык ахақәиҭра
иалхәдазтәыз ажәлар, дара рхаҭақәа ахақәиҭра роураны
иҟаӡам. Уи шаҟа ииашоу ҳара аргамаду ҳахаанхеит. Уи шиашоу рыблала ирбауа ианалага, аимпериалисттә политика
иаҟәыҵит, аколониақәа аунашьҭит Британиа ду. Ҳара ҳҿы уи
апроцесс парадокслоуп ишымҩаԥысуа. Иԥсыртлеит ушьапқәа,
саргьы уара унапқәа рхы иақәиҭыстәит ҳәа аибыҳәара
ацымхәрас, ҳахәдацәақәа ҵибакаауа, ҳшьа каибаҭәауа
ҳаибакит. Ииашаҵәҟьаны ахақәиҭра рҭахызар аурысцәа, урҭ,
иаҳҳәап, ақырҭқәа ирарҳәароуп, шәаргьы ахақәиҭра шәоурц
азыҳәан, хазы шәҟаларц шәҭахызар, ҳаицхыраап, шәца, ҳаргьы
шәҳацхраала ҳхала ҳҟаларц азыҳәан ҳәа. Ииашаҵәҟьаны
хазы иҟаларц рҭахызар ақырҭқәа, аԥсуаа ирарҳәароуп, шәара
шәоуҳашьҭуеит, шәца иахьышәҭаху, аха убри азыҳәан ҳаргьы
шәҳацхраа хазы ҳцарцаз ҳәа. Убасҟаноуп дасу игәҭыха (ииашаны игәҭыхаҵәҟьазар, баша адәқәа рҿы ҳәҳәарамзар)
анынаӡауа.
Илахьеиқәҵагоу уск данақәшәалак, аҳыҳ, уажәшьҭа
унатәаны, аккаҳәа ашәа ҳәала иҳәауан саб. Исгәалазыршәаз
хыхь
исҳәазоуп. Аԥсуааи ақырҭқәеи ҳаизыҟазаашьа
сазхәыцыр, ахагацәа реиԥш, ччараха исысуеит. Аԥсуаа
ахақәиҭра ҳҭахуп, ақырҭқәа ҳархьыԥшымкәа ҳҟашәҵа
ҳҳәеит. Ақырҭқәа ракәзар, ахақәиҭра ҳашәҭ, аурысцәа тәыс
ҳҟашәҵеит, аоккупациа ҳзыжәуит, атәра ҳҭашәҵеит ҳәа
иқәгылеит. Ҳмал зегьы ҳцәышәфеит, адонор ҳаиҩызахеит,
иазхоуп, уаҳа ҳалшом рҳәеит аурысцәа. Абри аҩыза апарадокс аҩсҭаагьы изыӡбауам. Зегьы ахақәиҭра рҭахуп, аха аӡәы
даҽаӡәы доуишьҭыр аҵкыс илеигәыдҵаны дыршьыр иаҳа
иеиӷьишьоит. Иҟалазеи?
Дырмит Гәлиа хыхь иаазгаз ицәаҳәақәа рынахыс, иалашоит апоет итрагедиатә симфониа аҩбатәи ахәҭа. Аԥшатлакә
бааԥс анас еиԥхьбеит, еиқәтәеит игәырӷьахәха иааҩуаз
аҭацаагацәа рашәа. Аԥсҭазааратә ԥштәқәа – ашкәакәа,
аиаҵәа, ажәҩан гәԥштәыла уҳәа зегьы рыԥштәхә нархаҳан,
иаархәеит ԥштәы заҵәык – аиқәаҵәа. Агара ашәа зҳәауаз
амыткәмаҳәацәа иаарымырдеит. Убасҵәҟьа иҩит апоет
ибаҳча азыҳәан:
Ауаа шәаӡыӡо уа инҭыҵит,
Аԥштәы иахаз наҟ инахыҵит.
Ашәҭ абаҟаз, зегь каԥсеит,
Ԥҳәызбеи ҷкәынеи зегь ццакуеит.

Изусҭцәада абнаҳәақәа зҭалаз ауҭра иаҩызазтәыз апоет ибаҳча Аԥсны? Уи ззымдыруада, аҭоурыхтә документқәа
заҳҭахузеи, иахьагьы, анцәа иџьшьаны, рыԥсы ҭоуп иахааныз. О, игәырӷьон усҟан урҭ, ақырҭуа меншевикцәа.
Игәырӷьон ишымгәырӷьара ацәҳәыраҿы асыс зымԥыхьашәаз
агыгшәыг. Аха ажра зжуа иԥа дҭаҳауеит рҳәеит. Аԥсны
ҳампыҵаҳхалеит ҳәа рԥаҵа ишалаччоз, дара ражәақәа рыла
иуҳәозар, рхақәиҭра нарымпыҵышшан, рхаҭақәа даҽа џьоукы
иаарымпыҵархалеит.
Аԥсҭазара иамоуп ахатәы ҟәыӷара.
Сара исыздыруам рыуа дарбану иаҳа ииашоу, адунеи
амаӡа аилкаара мацара зҟәыӷара азызкуаз афилософцәа
ракәу, мамзаргьы адунеи амаӡақәа реилкаара акгьы иҳахәом,
аус злоу, адунеи еиҭактәуп зҳәаз иакәу.
Зхы зымхакәачроу аӡәы иакәымзар, уаҩԥсы изыгәаӷьуам
аԥсабара иашаз, адинхаҵацәа ражәақәа рыла иуҳәозар,
анцәа иишаз адунеи, сара ишысҭаху ала иеиҭаскуеит ҳәа
аҳәара. Ииашаҵәҟьаны, иеиҭоукыр ауеит, аха агәра злоугарызеи иеиӷьны ишеиҭоукуа, хараӡа ишеицәоумтәуа. Уи ус ишоуп,
адәы аҵыхәан ашҳам анилак, адәы агәҭан ахәшә нықәиаауеит.
Ҳазыхынҳәып апоет иажәеинраала зхылҵыз аамҭа.
Аԥсны акоммуна аиааира анага, ацхыраараз аҳәара
ҟарҵеит Урыстәылаҟа. Иҳаздыруам ателеграммақәа иоуу имоуу Ленин. Иаҳҳәап, ателеграммақәа иоуит. Иара иидеиақәа
аиааира шыргаз ибеит Аԥсны. Ацхыраараз иҳәоит.
Ҽыхәа ԥшӡак уара иуццарц иухьҵәыуеит. Аха уара
уахь иаармышьҭит, ирылацаланы иргеит ауахьад. Ауахьад
уаҿагыланы узеибашьрызеи, дара, уара иухьҵәыуоз аҽыхәа
злалаз ауахьадгьы уара уахь иаауазар уаҵәы. Саҭамыз
аиҿырԥшра маҷк иԥшӡамзар, –аха аԥсуаа аҽы ауаҩы
ишьа алоуп рҳәоит, убасҟак ҳаҭыр ақәырҵоит. Урыстәыла, –
агәра ганы иҟан асоциалисттә револиуциа аиааира шагоз,
зреволиуционерцәа Ленин икәшаны итәаз Қырҭтәыла мацара акәым, адунеи зегьы аҿгьы. Иахьамзар уаҵәы, иаарласны адунеи аҳәаақәа зегьы аатуеит, иҟалом аҳәынҭқаррақәа
хазы-хаз, иҟалом хазы-хаз амилаҭқәа, иҟалоит зегьы аӡәны,
бызшәак еицырҳәауа, ԥсадгьылк – адунеи кәымпыл еицрыманы ҳәа агәра гаҵәҟьаны иҟан. Уаҟа инацлеит даҽакгьы. Амчымхара иҭагылан Урыстәыла. Даҽаӡәы ацхыраара ирҭартә
иҟамызт. Иҩбахаз, ипарадоксхаз. Урыстәыла иаҿагыланы
аменшевикцәа ирымпыҵархалеит Қырҭтәыла, иаҳа ихыхьчагоуп рҳәан, Ленин имҩа, абольшевикцәа рымҩа шьҭырхит
аԥсуаа. Убасҟан рыжәлар ахырхарҭа иаша иахьықәырҵаз
азыҳәан хьӡи-ԥшеи иаԥсоуп Ешбеи Лакобеи реиԥш иҟоу
ареволиуционерцәа. Аҭагылазаашьа иҟалаз логикала ҳаз­
хәыцып. Абольшевикцәа иргаз Урыстәыла азыҳәан иарба421

ныз иаҳа еиӷьыз, аԥсуаа ацхыраара рыҭаны, аменшевикцәа
ирымпыҵархалаз Қырҭтәыла иадырхыр акәзу, мамзаргьы уаҟа,
раӷацәа рыҩнуҵҟа иҟазар уаҵәазы иаҳа ихәарҭахозу? Ақырҭуа
меншевикцәа шаҟа цәгьамыцәгьала ирызныҟәоз, убасҟак
абольшевикцәа рышҟа иеихон аԥсуаа, уаҳа хыхьчашьа рымамызт. Иуҳәар ҟалоит: ақырҭуа меншевикцәа аԥсуаа убасеиԥш
иҭадыргылеит, ирҭахы-ирҭахым, абольшевикцәа ирыдымгыларада ԥсыхәа рмоуа. Сара сҟәдырԥаҩым, исыздыруам
раԥхьаҟа иахькылнагашаз, аха ақырҭуа меншевикцәа аԥсуаа
уаҩԥсҵас, еишьаҵас ирызныҟәазҭгьы, дара, аменшевикцәа
рхаҭақәа ирзеиӷьымхаӡоз? Ахақәиҭра ҳзааргоит ҳәа ашәҭқәа
рыманы Ар Ҟаԥшь ирԥылартә иҟазҵада аԥсуаа? Ақырҭуа
меншевикцәа ракәӡами? Аԥсуа большевикцәеи ақырҭуа
большевикцәеи иддырбауаз амҩада даҽа мҩак ыҟам ҳәа
аԥсуаа идзырҳәада? Ақырҭуа меншевикцәа. Ус дшоуп ауаҩы,
уани уаби ирыхшаз уашьа гәакьа иакәзаргьы, уҭаҷкәым
раҵәаны иқьышә иқәукыр, знапсыргәыҵа аартны изырбаз
уаӷа ишҟа диасуеит. Иахьа уажәгьы иааиуеит абри апарадокс.
Ақырҭқәа ҳадрырҳацыԥхьаӡа, аурыс ишҟа ҳаихоит аԥсуаа.
Нас, дара, уахь ҳхы ҳмырхарада хеиқәырхашьа ҳмоуа аҟынӡа
ҳназгаз, иааҳәны иҳазгәаауеит, ҳара, иаҳа ишәзааигәаз
ҳкажьны, иаҳа ишәцәыхароу ишҟа шәхы шәырхеит ҳәа. Аха
ари апарадокс уаҟагьы иаанымхеит. Иахылҵит даҽа парадокскгьы. Ҳара шаҟа аурыс ишҟа ҳаихауа, убасҟак аурыс
иаҳагьы иҭаххоит ҳара ақырҭуа ҳидзар, избанзар аурыс ибоит ақырҭуа иара дшиҭахым, убри аҟнытә дызҭахым рыҩнуҵҟа
дызҭаху ыҟазар, иара изыҳәан иаҳа еиӷьуп, иинтересқәа рыхьчалоит. Еилаԥаҭоу алабиринт. Ҳалзыԥшуп Ариадна, арахәыц
изыркыша Тесеи.
Ишырҳәо еиԥш, акгьы ҿыцым ари адунеи аҿы. Иҟалахьоу
еиҭаҟалахуеит. Ақырҭуа меншевикцәа Аԥсны иақәлеижьҭеи
шықәса хынҩажәижәаба ҵхьаны, урҭ,Аԥсны ашьаарҵәыра илазыргылаз анационалистцәа рхылҵшьҭрақәа ҩагылан, иҿырҭит
аԥсуаа рахь, ишәыхьзеи, шәмыцәан, хеиқәрхагас ишәымоу
Москва заҵәык шакәу шәымбаӡои, шәеидгыл, ацхыраара
шәаҳәа, мамзар ҳара милаҭҵас шәыҟамкәа шәықәаҳхуеит
ҳәа. Ашьҭахь, ақырҭқәа «ирҳәаз» аԥсуаа ианынарыгӡа, аурыс
имацара иакәым, ҳара ҳҭынхадам, аҵла гәаҩара ҳҭымҵит,
иҟоуп шьала-дала иаҳзааигәоу ҳашьцәа, урҭгьы ҳацхраароуп
анырҳәа, еиҭах ишгәаац, иааҳәны агәаара иалагеит ақырҭқәа,
шәара ҳара ҳашәҭахым, шәара даҽаџьара шәҿы шәырҳәит
ҳәа. Ажьа шкәакәа зкыз ҳаиҩызахеит.
Иаҳҳәап, ииашазааит қырҭцәақәак ирҳәауа: аурысцәа
аҳцәас ирымоуп, дара, ақырҭқәа, тәцәас иҟалеит. Убри
аҟнытә аурысцәа ирыдҵырц рҭахуп. Аҳреи атәреи аганахьала, сара усазҵаауазар, аҳра дара ақырҭқәа ирыманы, атәра иҭоу аурысцәа ракәноуп ишызбауа. Ақырҭқәа
аурысцәа ныҟәыргауоу, аурысцәа ақырҭқәа ныҟәыргауоу?
Уи сара исусым, дара еибабалааит. Аха ҳхы ҭызҟьаз даҽакуп.
Ииашаҵәҟьаны, ажәала аҳәара мацара акәымкәа, Урыстәыла
иадҵырц рҭахызар ақырҭқәа, аурысцәа мпыҵахалаҩцәоуп,
империалистцәоуп ҳәа ирыԥхьаӡозар, дара рхаҭақәа
аҟәыҵроуп Аԥсны ашҟа имҩаԥыргауа аимпериатә политика.
Уажәазы ақырҭуеи аурыси реимак азыҳәан аԥсуа иҳәар ауеит, аимпериа хәыҷи аимпериа дуи рыхәдацәақәа ҵибакааит
ҳәа. Узнапык аҳәыркьиразы ирыхханы, егьи унапы ҭаҷкәымны
ираҵәаны ушьҭахь иаваукыр, ԥхьаҟа цашьа умоур ҟалап.
Ҵыԥх ақырҭуа еқстремистцәа Аԥсны ианақәла (зны политикала, идеологиала, априказқәа, аусԥҟақәа, ақәҵарақәа рыла,
нас зынӡа абџьаршьҭыхрала), ишгәыӷуаз еиԥш аусқәа анымариамха, Цира дегьыкшон дегьҵәыуон ҳәа, аҳәҳәара иалагеит
аԥсуаа ҳақәлеит, аԥсуаа ҳаршьуеит ҳәа.
Аиаша шәасҳәап, ҩба-хԥа цәанырра сызцәырнагоит
ақырҭқәа абас рҳәацыԥхьаӡа. Аҳәаҭыхла ажәылара, ажәылара,
ақәылара, мчыла апроблемақәа рыӡбара, агыгшәыгра
иахылҵуа акеиԥш сахьахәаԥшуа аҟнытә, сара уаҩрала
сыцәтәымуп. Садгылаҩуп Лев Толстои ихәыцшьа. Урыстәыла
дуӡӡа Кавказ хәыҷӡа ианақәла,иара,аурыс шәҟәыҩҩы,дааҳәны
кавказаа дрыдгылеит, дақәыӡбеит ижәлар иҟарҵауаз. Инаур
гении аҿаԥхьа схырхәауа, саҭанаимҵааит, аха сиқәӡбаҩуп
абри азҵаараҿы Пушкин дуӡӡа, аполиакцәа еибашьрала
дахьыриааиз азыҳәан аурыс император ашәа ахьизиҳәаз
азы. Сара смилаҭ миллионла ақырҭқәа раҵкыс иеиҳаны,
рыдгьыл рымакуа, рҭоурых иалхәдатәуа ирықәлазҭгьы,
хымԥада срықәӡбуан. Аха уажәы, аԥсуаа қәылаҩцәас мацара акәымкәа, мдырцәасгьы иԥхьаӡаны, ихҭҳәаау ахарақәа
анрыдырҵалак, уаԥсыуаӡамзаргьы, ламыс уманы, аиаша иадгылауа уаҩԥсызар, аԥсуаа урыдымгылар ауам. Аԥсуаа раҵкыс
дара ҟәыӷацәаны рхы ахьырыԥхьаӡауа уи еилкаауп, избанзар,
ашовинист усоуп ҟазшьас, хәыцшьас ишимоу, аха еилкаашьас
исзамҭауа, адунеи зегьы гаӡақәаны, дара иаарҳәауа амц агәра
ргоит ҳәа ахьырыԥхьаӡауоуп. Шә-нызқьҩык иҟоу амилаҭ миллионла ирацәоу амилаҭ иҳақәлеит, ҳандырҵәеит ануҳәалак,
атәым ҳәынҭқарра аҿынтәи изаҳауа игәы ишԥаанагауеи?
Изакә уаа шәыргәындақәоузеи, анаука азыҳәан даараӡа интересуп, иҭҵаатәуп убарҭ, миллионла ирацәоу, нас иҟаҵатәуп
реиҳа ихадоу –иаҳҳәап, ҳара, афранцызцәа, ҳгенералцәа
рҿаԥхьа инаргыланы, ҳсолдатцәа ҳашьҭыроуп аԥсуаа рахь,
иаҳдырҵароуп урҭ иреибашьышьоу, ажьа ашьыга шәақьлеи,
лабалеи, хаҳәлеи адунеи аҿы иҟамлаӡацыз афырхаҵара
ҟаҵашьас иашәҭаз, иаҳшәырҵа, абаақәа, нас ҳара ҳшәарҭахом,
атомтә бомбақәеи атанкқәеи ирықәаҳхарџьуа заҳҭахузеи,
иаҳҳәап, иҳақәлар акитаицәа, шәара шәеибашьышьала
ҳанеибашь, уахыки-ҽнаки рыла ҳариааиуеит рҳәароуп. Абри
аганахьала саназхәыцлак, зыӡбахә сымоу публицистцәақәак
ирҳәауа иаҳагьы сгәы иахәоит. Ишысҳәаз еиԥш, ақырҭқәа,
ииашаҵәҟьаны Урыстәыла иадҵырц рҭахызар уи рхықәкы
ашҟа иназгауа мҩаны избом иахьа изну амҩа.
Жәаа шықәса рзыҳәан ҳара иҳаман аконституциатә
еиҳабыра, ҳара иҳаман адемократиатә республика рҳәеит
иахьатәи аменшевикцәа. Ииашаҵәҟьаны, урҭ аԥсҭазара
бзиа аазгауаз џьоукы ракәызма? Иҳаиҳәазеи апоет ажәа
сахьарк ала?
Лаԥшы цәгьак уа инахьысит,
Уи хьаала сара инасысит.
Сбаҳча баҳчам, аҽакхеит,
Ахи аҵыхәеи зегь ҭацәхеит.

Ажәа аҵакы бзиа аҭаны иуҳәозар, абри ажәеинраалаҿы
Дырмит Гәлиа револиуционерны ихы ааирԥшит. Иҟалаз
шҽеим, шьаҭанкыла ишыԥсахтәу иҳәеит апоет. Излеиҭактәу,
еиҭакшьасгьы иҟоу, насгьы иарбан системоу ишьақәыргылатәу
ӡбатәыс измаз иара иакәмызт. Еиҿсырԥшуаны акәым, аха уеизгьы март ԥшьба иацааиуаз ашықәсқәа раантәи иҩымҭақәа
уанрыԥхьалак, нас ухаҿы ианааугалак, март ԥшьба анааи дшаԥылаз, аха мзақәак, шықәсқәак анааҵ, иԥсҭазареи
ихәыцшьеи зеиԥшрахази ирҿиара аҽшеиҭанакыз, ҳаԥсуа
поет даараӡа дахьугәалаиршәақәо рацәоуп Максим Горки. Атәра ҳанбаҭыҵуеи, афырҭын асааит иӷәӷәаны ҳәа аре424

волиуциа аира иазышәаҳәоз апролетарцәа рышәҟәыҩҩы
ду, октиабр анааи, изакә фырҭыну иасыз, иааиз закә уаау
данрылаԥш, идимкыла акәым, ибла иахьамбашаз дыбналеит. Акыр шықәсагьы дыхнымҳәит Урыстәылаҟа. Аҳәаанхыҵҟа
дықәымҵит, ибаҳча дзаԥырымҵит Дырмит Гәлиа, аха аби ԥеи
еиҿазыжьыз, аешьеи аешьеи ршьа кеибаҭәауа иҟазҵаз адгылара изымариамхеит: «Бзабаала дҟалааит агәыблра змоу, зани
заби згәы иазмыргауа» ҳәа уаанӡа изҳәахьаз, ақьырсиантә
динхаҵара злаз, дунеихәаԥшрала идемократыз апоет. Исымазкуа дҟалашт, Дырмит дызлаҟаӡақәамыз идуԥхьаӡалеит,
ҩынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рҿынӡа уи партиак даланы
иҳаздыруам, анцәа сиашьапкуан, аныхабаахь сныҟәон ҳәагьы
џьаргьы имҳәац ҳәа иаасҿаркышт. Иашоуп, усеиԥш иҟоу
адокументқәа саргьы сырмыԥхьац. Аха усеиԥш снарҳәартә
исымоуп даҽа документк – исахьаркыратә ҩымҭақәа. Урҭ
унарыԥхьар, иарбан «партиоу» дызлаз аилкааразы уаҳа уҭахӡам.
Ҳаҟәыҵып, иаҳҳәарым март ԥшьбанӡагьы Дырмит иҟаиҵахьаз
аус дуӡӡа – ишеиҭеигахьаз ашәҟәы ԥшьа, иаҳҳәарым, ԥҳәыс
данааига, азагс ашҟа акәымкәа, агәыргьын рхарҵарц аныхабаа ашҟа дышцаз, урҭқәа наҟ инышьҭаҵаны, иаашьҭаҳхып
иеиҿикааз, иҭижьуаз агазеҭ «Аԥсны». Уаҟа иҿаҿаӡа иаҵаҩуп:
«Демократ газеҭуп». Убас аҵаимыҩӡаргьы, уанаԥхьалак уи
шдемократ газеҭу ухалагьы иеилукаауеит. Официалла, КПСС
даналалаз, зынӡаск даҽа аамҭан. Иԥсҭазара далҵхьан атиран, дкыдҵаны дыршьхьан апалач. Ииашаҵәҟьаны, апартиа
амчқәа даара иӷәӷәоуп ҳәа апоет иҳәартә иаацәылашеит,
Еренбург иҳәан еиԥш, аҳауа аацәырҟәандахеит.
Арҭ анҵамҭа-гәҭахәыцрақәа уи иазкым, уи хазы иҭҵаатәу
усуп, аха иаасымҩатәны исҳәарц сҭахуп, Дырмит Гәлиа
иҩымҭақәа реизга ф-томкны иҭыҵыз ашҟа азгәаҭарақәа исымоу
рахьтә акы заҵәык. Изааӡарызеи, алаԥш даара иагны иҭыжьуп.
Иааҳгап ажәеинраала «Ҳара ҳпартиа» ианҩу, ианкьыԥхьу ҳәа
аилкаага иацу. Ажәеинраала ахаҭа ахьаанҵәауа, ианиҩыз
ашықәс ҳәа иарбоуп 1954. Иааҳартып Шоҭа Салаҟаиа ииҩыз
аԥхьажәа. Араҟа иаҭыԥым, имаҳкрым «Д. Гәлиа иреиӷьӡоу
иҩымҭақәа ирхыԥхьаӡалоуп уи иажәеинраала «ҳара
ҳпартиа» ҳәа ииҳәауа. Ҳара ҳзышьҭоу даҽакуп. Ажәеинраала
иҩит ҳәа иарбоуп 1952 шықәсазы. Сара ажәеинраала ахаҭа
иаҵаҩу ашықәс сахәаԥшаанӡа, абри ашықәс азыҳәан иҩит
ҳәа санаԥхьа, ҵәымаӷҵас сгәы иналақшеит. Дырмит иеиԥш
иҟәыӷаз ауаҩы имыхьыр акәын абри аҩыза, иаҭәасымшьеит,
ҳара ҳпартиа амилаҭқәа иреиӷьыз рҵеицәа рнырҵәагас
ианыҟаз, уи иахагылаз реиҳа ирасакьаҳәымҭаны ианыҟаз
аамҭазы, уи апартиа ашәа азҳәара… Сыццакны иаасыԥшааит
ажәеинраала ахаҭа. Ишысҳәаз еиԥш, уаҟа иаҵаҩу санахәаԥш,
схәыцра аҽааиҭанакит, аха урҭ ашықәсқәа реиҳа ииашоу иарбанушь ҳәа сахыццакуа, азгәаҭарақәа ахьану снахәаԥшызар,
уаҟа зынӡаск даҽакы аҳәауеит: «Ҳара ҳпартиа» – абас ахьӡны
икьыԥхьуп 1945 шықәса, февраль 21 азы». Ари кылаԥшкылӡырыҩрам. Хыхь ишысҳәаз еиԥш, аумаӡа аҵанакуеит
ашәҟәыҩҩы иажәа аниҳәаз аамҭа. Убри аҟнытә Дырмит
иҩымҭақәа реиҭаҭыжьраан иарбан шықәсоу ари ажәеинраала
анҩыз цқьа иеилкааны акы арбатәуп.
Ҳазыхынҳәып
уаанӡа
ҳазлацәажәоз
ахшыҩҵак.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2114
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2172
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3334
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2343
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2249
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2187
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2176
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2177
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3377
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2162
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2211
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2207
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2271
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3296
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3311
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2202
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2296
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3408
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3367
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2221
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2156
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2054
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2216
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3333
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2174
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3272
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2076
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3349
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 22
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20