Latin

Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28

Süzlärneñ gomumi sanı 3305
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2054
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
уи аҵкыс иеиҳау даҽа малк шыҟам. Инацаҳҵап хыхь иаҳҳәаз
ахшыҩҵак хзыркәшауа даҽакгьы. Иидыруа абызшәала,
аҩышьа злеидыруала, дарбанзаалак иҩны ишьҭеиҵароуп
иара дызхаану, иибаз, иаҳаз, ихигаз ихаҭа, мамзаргьы
изааигәоу ауаа.
Абраҟа иҳәатәны исыԥхьаӡоит даҽакгьы. Иаҳхысыз
ашықәс, ишыжәдыруа, даараӡа ихьанҭаз шықәсан. Ашәы­
шықәса ааизакны уахәаԥшуазар, аԥсуаагьы хьчатәыс ироуазҭ­
гьы амилаҭқәа зегьы иеицырзеиԥшыз ахақәиҭра, иаҳхысыз
ашықәс азыҳәан аԥсуаа хьчатәыс ироуит дара рыԥсадгьыл
мацара, дара рмилаҭра заҵәык. Анационализм згәаҵәахы
акыз қырҭцәақәак, аԥсуаа ирыжәлеит рзинқәа зегьы рымырхырц, рыԥсадгьыл иахырбаарц. Ҳмилаҭ зҭагылаз, иахьагьы
зҵыхәа ԥымҵәац аԥышәара ду аан, изызӡарызеи, хаҭала сара
даараӡа сацәшәаны сыҟан, ҳжурнал аԥхьаҩцәа ацәыӡуеит, избанзар ажәлар уажәы уи аамҭа рымам, уи иазхәыцыртә иҟам
ҳәа. Аха сара сахьынӡамгәыӷӡоз аҟынӡа иҳаракызаап ҳажәлар
ҭоурыхла ԥхьаҟа ҳәа рхәыцра. Иҳамаз аԥсуа кьыԥхьтә
органқәа ирыгха акәым, иаҳагьы рхыԥхьаӡара иацлеит.
Иҿыцӡаны аҭыҵра иалагеит, аԥсышәала иҳацәажәеит даҽа
газеҭк – «Аидгылара». Ари, ҳәарада, ҳкультуратә ԥсҭазаараҿы
хҭыс дууп. Уаҟа инацлеит игәышьҭыхгоу даҽакгьы. Шәзыԥхьо
ари ажурнал, ҳмилаҭтә ҟазара аӡыргара иазку, атираж ҵыԥх
аҵкыс сынтәа иаҳагьы иеиҳахеит, ус анакәха, рхыԥхьаӡара
иаҳагьы иацлеит ҳаԥхьаҩцәа, рхыԥхьаӡара иацлеит аԥсшәа
бзиа избауа, змилаҭра пату ақәызҵауа. Шәызшаз пату
шәықәиҵааит, ишәзымшхааит ҳазҭагылаз ашықәс!
«Аԥсны аҟазара», 1990

ЕИҾКААТӘУМА АԤСНЫ ДАҼА ПАРТИАК
Ублақәа хуҩар, амшаԥ увсны ицоит аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа.
Ҳара ҳахаанхеит аамҭа џьашьахәы. Аҽнышьыбжьон иҟалеит
ареволиуциаҵәҟьа захьӡу. Хәышықәса уажәаԥхьа, аиҭакра
ахы аныҵнахуаз, агәра агара уадаҩын ҳаԥсҭазаара абасҵәҟьа
аҽеиҭанакуеит ҳәа. Арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟала зынӡаск
даҽакхеит ҳхәыцшьа, ҳцәажәашьа, ҳхымҩаԥгашьа. Ҳәарада,
мышкымзар-мышкы ахшыҩ амҩа шаартхоз, аҳәынҭқарраз
еиҳау ахьтәы фонд – ауаҩытәыҩса ихшыҩ, амҩа ылнамхыр ԥсыхәа шамам дырын, аха уи апроцесс абас иласхоит ҳәа иҟадаз. Сыхгьы-сыгәгьы иҭамшәацызт атоталитартә
ҳәынҭқарра аҩнуҵҟа, аҳра зегьы партиак иахьампыҵакыз,
даҽа партиақәак раԥҵара абас иаармарианы азин ҟанаҵап
ҳәа. Урҭ аҩба еидҳәалоуп – ауаҩытәыҩса ихшыҩ ахақәиҭра
аиуреи аҳәынҭқарра аҩныҵҟа апартиа рацәа аҟалареи. Руак
ыҟамкәа, егьи ҟалашьа амаӡам. Сгәанала, абольшевикцәа
рпартиа – акоммунисттә партиа ахала ахы анышә ианаҭеит,
анапала изҭаҳашаз ажра ажит, ареволиуциа аиааира анага инаркны, дара рыда даҽа партиак ыҟамкәа иахьаԥырхыз
иахҟьаны. Аконтроль змам ауаҩы ма дынцәахароуп, мамзаргьы дыџьнышхоит. Убри иаҩызоуп апартиагьы. Уи зҟазшьоу
акоммунисттә партиа мацара акәӡам. Партиатә системак ала
ишьақәгылоу аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа ацәгьоурақәа аанкылашьа рымаӡам. Мчык иаҿагылаша даҽа мчы ӷәӷәак ыҟазароуп.
Абарҭқәа зхысҳәаауа, уажәтәи аԥсуаа ҳҭыгалазаашьоуп.
Сара иахьынӡаздыруала, аԥсуаа ҳаҩнуҵҟа аамышьҭахь,
уажәы зегьынџьара республикацыԥхьаӡа, шамахамзар, рхы
ыҵыргеит, еиҿкаахеит, акоммунисттә партиа аамышьҭахь
даҽа партиақәакгьы. Акоммунисттә партиа аҳаҭыр каҳаит,
анырра иамаз ацәыӡит. Ари ас шакәу аԥсуаа иҳамбо ҳлашәым,
ҳдагәам. Ус анакәха, уаҩы дазымхәыцыр ауам, абри еиԥш
азҵаара. Избан иахьа уажәраанӡагьы аԥсуаа ҳаҩнуҵҟа ахы
зыҵнамхыцзеи даҽа партиак, избан, акоммунисттә партиа
заҵәык хҭакны изҳамоузеи? Ганкахьала уаҩ дазхәыцуазар,
асовет аамҭа анааи, еиҳараӡак ҩажәижәабатәи ашықәсқәа
инадыркны, аԥсуаа ҳаҟара ацәгьара иақәшәада? Абасеиԥш
ануҳәалак, ҿырԥштәыс иааргоит ишмилаҭыз зегьы неидкыланы иахцаз ажәларқәа. Урҭ зықәшәаз атрагедиа ласырҟәырц,
мамзаргьы сгәаҵәа иазеилымкаауаны акәым изхысҳәаауа.
Урҭ ирзыҟалеит арыцҳара дуӡӡа. Аха ҳаргьы арыцҳара дуӡӡа
ҳақәшәеит ҳаҩны ҳшыҟаз. Аԥсны шьапыргыларҭа умоуа
амилаҭ ааганы иқәындырхеит, аԥсуаа хыԥхьаӡарала ҳреиҵаны
ҳҟарҵеит. Аԥашәқәа урыхәаԥшны иуҳәозар, акоммунистцәа
ракәӡами абри аҩыза арыцҳара ҳзаазгаз?
Ҳҿынаҳхап. Азеижәтәи ашәышықәса ҳаналацәажәо, уи
ашәышықәса аҟазшьарбагас иаҳәоит ажәак – амҳаџьырра.
Уи ажәа зегьы аҵанакуеит. Аԥсуаа реиҳараҩӡак рыдгьыл
гәакьа иацәыӡит, иҭацәит Аԥсны рыцҳа. Агәра ганы сыҟоуп,
убасҵәҟьа ишьаарҵәыроу шәышықәсаны ҳҭоурых ишазынхо
аҩажәатәи ашәышықәсагьы. Аԥсуаа иаҳзыҟалеит амҳаџьырра
ҿыц, абольшевикцәа иаҳзааргаз амҳаџьырра. Ҳәарада, араҟа
ажәа амҳаџьырра аҵакы еиҭарсноуп ишысҳәо. Амҳаџьырра
иаанаго ахцара ҳәа акәзар, араҟа ҵакыс иасҭо анырҵәара,
аҩны ҳшыҟаз ҳнырҵәара ҳәоуп. Арепрессиақәа ирыхҟьама,
егьырҭ амилаҭқәа раҵкысгьы аԥсуаа хҭакны аибашьра иахьыргоз иахҟьама, рмилаҭра рымхны, мчыла даҽа милаҭқәаны
иахьҭарыҩуаз иахҟьама, амедицина аԥсуаа иахьырҿаргылаз
иахҟьама, ишакәхалак аԥсуаа ҳабжаҩык, еиҳамзар еиҵамкәа,
иаҳцәыӡит. Административтә-командаҟаҵаратә система убас
ишьақәыргылан, мчыла акәымзар, хаала, ԥсабаратә ҿиарала
аԥсуаа ҳзымҿиауа,иаҳзымҳауа.Абригьы зхарада? Иаҳзаазгада
абри еиԥш аамҭа еиқәаҵәа? Ауаҩы ибаҩхатәреи, ихыихшыҩи ракәымкәа, ипартбилеҭ ала мацара амаҵурақәа рҟны
дҩеиуа иҟазҵада? Адәы иқәызгьы абаандаҩы диеҩымсуа
ҳҭазыргылада? Ԥсышьацәгьа рызҭада миллионҩыла ауаа?
Уажәааигәа журналк аҟны саԥхьеит, жәаа шықәса инадырк­
ны, ҩынҩажәеи жәаа шықәсанӡа асовет ҳәынҭқарра аҩ­
нуҵ­ҟа мчыла рыԥсҭазаара иалхын ҳәа ҩынҩажәижәаба
миллионҩык инарыцны ауаа. Ҩба-хԥа ҳәынҭқарра ду ирызхаша ауааԥсыра ҭахеит. Иҭахаз ҭахеит, аха ишԥаҟоу иаанхаз?
Рыламыс, рыуаҩра убасҟак ирхәанчахеит, шәышықәсалагьы
изышьақәымгыло. Амлакраҵәҟьа ҳнаганы ҳҭазыргылада?
Иуҳәар изоуҳәода акәымзар, ҳара ҳҳәынҭқарраҟны уажәы амлакра бааԥсыҵәҟьа ыҟоуп. Иаамыцхәцәаны иуҳәеит. Усҵәҟьа
млакра ыҟам. Ауаҩы иифаша иԥшаауеит зҳәо дҟалашт. Мап,
иҟоуп амлакра дуҵәҟьа. Уажәы иҟоу, шәыпату схы иқәуп, аха
акрыфара акәӡам. Иҟоуп амгәарҭәра. Урҭ зынӡаск ихазы-хазуп.
Ауаҩытәыҩа иорганизм иаҭаху аколориақәа риоуразы, ҳара
ҳҳәынҭқарра адунеи аҟны иааннакылоит аҵыхәтәанӡатәи
аҭыԥқәа руак. Дацәыхьчоума асовет уаҩы ачымазара? Илафноума ишырҳәо ҳахәшәтәырҭақәа угәы бзианы урҭалар,
учмазаҩны уҭыҵуеит ҳәа. Шәахәаԥш, палатак аҟны шаҟаҩы
ачымазцәа шьҭоу. Адунеи аҟны ирыдыркылахьоу анорма
излаҳәо ала, чмазаҩык ихәҭоуп жәиԥшь метра ԥшьыркца ауада. Уи иаҟароу ауадаҟны ҳара шаҟаҩы шьҭаҳҵода?!
Инзырҵәада аинтеллигенциа? Шәышықәсалагьы рхы
изым­ҩахо, рыбӷа рззеиҵымхуа иҟазҵада анхацәа? Иаҳзааз­
гада абри аҩыза асистема? Уи еилкаауп, идыруп. Ус
анакә­ха, иарбану ҳахьынҳаланы, иарада ҳамамкәа изаҳку
абасҟак ҳақәзыршәаз апартиа? Уи азы иҟоуп еиуеиԥшым
агәаанагарақәа. Ииашоуп, асовет аамҭазы ацәгьара бааԥс­
ӡақәа ҟаҵан, аха уи ҟазҵаз, изхароу акоммунисттә партиа
акәӡам, аҳәынҭқарра иахагылаз, акоммунисттә партиа, Ленин ду иидеиақәа ԥхасҭазтәыз, иназырҳәы-аазырҳәыз роуп.
Абас зҳәо инацырҵоит. Аа, иумбои уажәы, анапхгараҿы
аҵара змоу, иҟәыӷаз ауаа аннанага, аҳәынҭқарра анапхгаҩыс
даныҟала М.С. Горбачов, зегьы аҽеиҭанакит, аҳәынҭқарра
анылеит ацивилизациатә мҩа. Апартиа ахаҭа акәым аус
злоу, уи анапхгараҿы иҩеиуа роуп. Абас ануарҳәалак, уаргьы уаалакҩакуеит. Уеизгьы-уеизгьы апартиа аума изхароу, сара схаҭагьы апартиа салоуп, аха аӡәгьы дсымшьыцт,
аӡәгьы дсымнаԥхацт, аӡәгьы сиҵамӷьычцт, апартиа иалоуп узҿыԥшыша, аламыс змоу, ауаа нирҵәазар Сталин,
аҳәынҭқарра еилирбгазар, ирҳәызар, аламыс ирхәанчазар
Брежнев, акоммунистцәа зегьы ирхарагәышьоузеи уҳәоит,
избанзар, уара ухаҭагьы апартиа уалазар, уламыс ухьчароуп, уаҳа ԥсыхәа умаӡам. Убас хырқьиагак умԥшаар, ма ухы
илагәыдҵаны уҽушьыр акәхоит, мамзаргьы ужәлар рҿаԥхьа,
ушьамхы ҩарсны, исыздыруамызт изакә партиаз сызлалаз,
исыхьит, сышәшьы, саҭашәымҵан уҳәар акәхоит. Иахьа ибзиароуп, аха уаҵәы иаацәгьарахар, ма уара ухаҭа ушьа ҩкашуеит,
мамзаргьы даҽа шьоукы ршьа ахькашуа ухаҭа иухарахоит.
Абасҟак анысҳәа, ҳәарада, уаҩ дысмазҵаар ауам, узалоузеи
уара ухаҭа, узалымҵуазеи ҳәа.
Апартиа сзалаз, саналала инаркны апартиа аҟнытә шаҟа
ҟамчы саахахьоу рҳәара араҟа иаҭыԥым. Ишақәхалак, апартиа салоуп, макьана. Ҳазлацәажәаша убри ауп, избан, аԥсуаа
ҳаҩнуҵҟа изымицзеи даҽа партиак? Убасшәақәа сгәы иаанагоит, аконсерватизм аԥсуаа милаҭтә ҟазшьаны иҳамоуп ҳәа.
Иацы иҟаз аидеологиа, адинхаҵара, иацы ихеиқәырхагаз,
иахьа иҳахәо акәым, ишаҳԥырхагоу аабаргьы, иаарласны
инышьҭаҵаны, даҽакы ашьҭыхра ҳцәыцәгьоуп. Иацы акы
ҳәо, иахьа даҽакы ҳәо, ари ламысдароуп, ахаҵа иаҭәам ҳәа
ҳаақәгылоит.
Аԥшьбатәи ашәышықәса инаркны, ажәафтәи ашәы­
шықәсанӡа (зқьи ҩышә шықәса!) аԥсуаа динхаҵарас иҳаман
ақьырсианра. Ажәафтәи ашәышықәса инаркны азеижәтәи
ашәышықәса алагамҭанӡа (хышә шықәсагьы маҷума?)
дин­ха­ҵарас мчыла иҳадгалан аԥсылманра. Изхысҳәаауа,
абасҟак аамҭа динхаҵарала ҳшааиуазгьы, аԥсуаа иахьа
уажәгьы иаҳзынханы иҳамоуп, адинхаҵарақәа зегь иреи­
ҳабу – амырҭаҭра (иазычество). Ҳара адинхаҵара официалтә
ҳәынҭқарратә динхаҵараны ианҳадаҳкыла ашь­ҭахь, акыр
шәышықәса ҵхьаны издызкылаз ажәларқәа, амыр­ҭаҭра
рхашҭхьеит, икарыжьхьеит. Иҟалоит уи ҳара ҳмилаҭтә
ҟазшьа иабзоуразар, нарҭаа ршьа иҳалоу иахаразар. Иарбан динхаҵаразаалакгьы, иарбан идеологиазаалакгьы, анар­
хистцәа рпартиагьы налаҵаны, егьа ахақәиҭра амоуп уҳәаргьы,
зегьакоуп, ҳәаақәак рыла ишьақәгылоуп, џьара акала ауаҩы
дҿанамҳәар ауӡом. Аԥсуеи ахақәиҭреи синонимгәышьан. Издыруада, убри иахҟьозар аԥсуаа ҳрыцҳарақәа руак – иаарласны аамҭа аҽанраалашьа ҳахьақәымшәо. Издыруада, убри
иахҟьозар аполитикеи ҳареи лассы-лассы ҳахьеиҿаҳауа. Аполитика анапы алазкыз ауаҩы аҟама аҿеиԥш анаҳәы-ааҳәра
дазхиазароуп. Аҟама ҩ-ҿык амоуп, аха аԥынҵа џьаракоуп
иахьхоу. Аамысҭашәара ианаамҭаз, ауаҩы ииҳәаз ажәа ихы
анақәиҵоз, нцәас ианимаз иламыс, уи аамҭа ауаатәыҩса
ҭысит, иалгеит. Акоммунизм ашҟа изыхынҳәраҳа, усеиԥш
иҟоу ауаҩра ду ашҟагьы уаҳа хынҳәышьа рымаӡам. Ирласны аҽыԥсахра иахьҳмилаҭ ҟазшьам аамышьҭахьгьы, иахьа
уажәгьы ҳара ҳҟны даҽа партиак ахьымиц, акоммунисттә
партиа акажьра ҳахьаламгац сгәанала, иҵегьы изыхҟьақәо
рацәоуп. Уи каҳажьыр, ишьҭаҳхуазеи? Абри аганахьалагьы иҟоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа. Џьоукы адинхаҵара
ҳаиднамкылои ҳәа аҭак урҭоит. Аԥсуаа ԥыҭҩык қьырсианцәоуп,
даҽа ԥыҭҩык мсылманцәоуп. Ақьырсианцәа ныҟәалааит
аныхабаақәа рышҟа. Амсылманцәа рзыҳәан иргылазааит аџьаамақәа. Ҳаҟәыҵп, иаҳҳәарым урҭ адинхаҵарақәа
аҳәаҭыхла ишааиҿагылало. Ҳақәгәыӷып, аԥсуара иабзоураны,
ҳара ҳаҩнуҵҟа усеиԥш ҟаларым, еинааланы ԥхьаҟа ҳаргалап
ҳәа. Сыззааиуа даҽакуп. Уаҩы игәеимҭар ауам, аҵыхәтәантәи
аамҭазы, ауаа адинхаҵарахь ишеихаз. Џьара акы агәра
ргозароуп. Аха рыцҳарас иҟалаз, адинхаҵарагьы цәгьара
ушақәнамыршәо агәра згода? Уаҩытәыҩса ихаҿы изаамгаша ашьакаҭәара ҟанаҵеит акоммунисттә идеологиа. Аха хшла
икәабоума ақьырсианра, амсылманра? Қьырсианцәаӡамзи
аинквизиторцәа, ацивилизациақәа шеибгаз иҵазырбгаз?
«Крестовыи поход» ҳәа изышьҭаз ҟазҵаз зусҭада? Ленинград
иҟоуп аинквизициа амузеи. Мышкызны иҟалашт акоммунисттә
музеигьы. Усҟан музеик аҟнытә даҽа музеик ашҟа уаннеилак
иахьеиԥшқәоу еиҳахар ҳәа сшәоит иахьеиԥшым аҵкыс.
Урҭ рышьҭахь иаанхашам амсылманрагьы. Ишԥарзыруаз
иқьырсианцәаз? Нбанҵакылаҵәҟьа иуҳәозар, аҳаиуан ацәа
шахырымхра ауаа рцәа рхырхуан. Аҵәҩан ларӷырҳәаны,
акәты еиԥш амца иҽҳәаҵаны ирӡуан. Исгәалашәоит, иԥсаҭа
бзиахааит рыцҳа, избаз изларҳәо ала, Самсон Ҷанба иаб
ддырҳәацәарц
амца
дыҽҳәарҵеит, днарҳәы-аарҳәуа
амца идыршыло мацара, иԥсы ааихырхит акоммунистцәа.
Аболгарцәа рдокументк излаҳәо ала, ақьырсианцәа аанкыланы, игәаҟны иԥсларц, аҵәҩан иахарҵон. Арҭқәа зегьы зхысҳәаауа, уажәы адинхаҵарахь аихара иҟалаз ауп.
Акоммунисттә идеологиа нкажьны, адинхаҵарахь сиасып
ҳәа угәы ианҭашәалак, абарҭқәагьы урзымхәыцыр, уаанырымкылар ауам. Абри аамышьҭахьгьы, иахьа уажәгьы ҳара
ҳҟны даҽа партиак ахьымиц, акоммунисттә партиа акажьра ҳахьаламгац, сгәанала, иҵегьы изыхҟьақәоу ыҟоуп. Ҳара
ҳазҭахым рыҩнуҵҟа даҽа партиақәак ҵысыр, ҳара ҳаанхар
ҳазлоу апартиаҟны, ҳхырхарҭақәа рымацара ракәымкәа,
партиалагьы идеологиалагьы ҳаиҟәыгахоит. Уи инарҵауланы
уазымхәыцыр ухнахыртә иҟоуп. Сызҭахым дызлоу апартиа
акәымкәа сара даҽа партиак салоуп ануҳәалак, изаҳауагьы
игәы иахәоит, уаргьы угәалаҟара аашьҭнахуеит. Аԥснытәи
акоммунистцәа Қырҭтәыла акоммунистцәа ирҳәарызеи ҳәа
рҿы иҭаԥшуаз, уимоу, ирымҳәаӡаргьы, абас ҟаҳҵар ргәы
иахәап ҳәа раԥсуа жәлар ишынарыӷраԥалоз, еицлабны Аԥсны
шырҭиуаз, иахьа ҳахьааргаз жәбоит. Иарбан еиҳау агәырӷьара,
партиала еиҟәшахар, уара узлоу даҽа партиоуп, уара иуҳәо
сара иҟасҵом, сара спартиа исананажьуам иҳәар араҟатәик.
Ари ус иҟалар сҭахноуп ишысҳәо. Ишыҟаҵәҟьоу удырырц
уҭахызар, уажәнатә ахы ыҵнаххьеит, уназхәыцыр иубоит.
Аԥсны раикомқәак, қалақькомқәак ирхагылоу акоммунистцәа,
маӡала даҽа партиақәак ирылалахьеит. Уи еилкаауп. Аидеиа ду
акәым акоммунисттә партиа ашҟа ииазгаз. Еиҳау амаҵура шиоуа агәра анааига, иарбан партиазаалакгьы далалоит. Аха аамҭа
ас ицалашам. Аестонцәа бзиак аԥшьыргеит. Акоммунистцәа
азин рырҭеит дара рпартиа иалымҵкәа, даҽа-даҽа партиакгьы
алалара. Уи аамҭала акәхоит. Ацивилизациатә тәылақәа рҟны
апартиақәа ахьырацәоу, аӡәгьы азин имам, партиак даланы,
даҽа партиак ацхыраара, даҽа партиак алалара.
Хыхь ишысҳәаз еиԥш, аԥсуаа адинхаҵара ҳалаҽым.
Ицәгьа ибзиа акоммунисттә партиа ҳаиднакылоит. Партиакоуп ҳазлоу. Ҳара ҳазламаҷу ала, еиуеиԥшым апартиақәа
аԥшьаагар, ҳаиҟәнашоит, хазы-хазы ҳагоит, ақырҭқәа ҳара
ҳаҵкыс шаҟа еиҳаузеи, аха рпартиақәа ахьырацәахаз
иахҟьаны, рхықәкы – СССР алҵра, хазы ҳәынҭқарраны
рыҟаларазы уаҩҵас амҩа изықәлом. Абас зҳәо акоммунисттә
партиа егьа авторитет каҳазаргьы, макьана амч ӷәӷәоуп,
ахԥшагьы амоуп, ацәгьарақәа иҟанаҵахьоугьы ариашоит,
аиҭакра аԥшьызгаз, аҳәынҭқарра зинтә ҳәынҭқаррахарц
амҩа иқәызҵаз, апартиақәа иҵегь еиҿкаахаларц азин ҟазҵаз
акоммунистцәа роуп, Кремль дара иркуп, ҳара ҳхы уахь ихоуп
ҳәа нацырҵоит. Ажәакала, аргументқәа рацәоуп.
Уажәшьҭа ҳазыхынҳәып даҽа партиакгьы еиҿкаатәуп ҳәа
зҳәо ргәаанагара. Иааҳакәыршаны инхо егьырҭ амилаҭқәа, шамаха зегьы рҟны аиҿкаарақәа ирылагахьеит даҽа партиақәак.
Иаарласны урҭ апартиақәа закәанла ишьақәдырӷәӷәоит.
Акоммунисттә партиа иамоу азинқәа даргьы ироуеит. Иахьа
анапхгара зегьы акоммунистцәа рнапаҵаҟа иҟоуп. Ирҿагыло
ҳәа иҟоу амч иформалтәым аилазаарақәа роуп. Иаарласны урҭ, иформалтәым аилазаарақәа, хазы партақәахоит.
Аха иформалтәым аилазаарақәа акоммунистцәа раҵкыс
еицәахар ҟалоит ҳәа гәҩарас излоукша акы ахы ыҵнаххьеит
уажәнатә дара рҟны. Акоммунистцәа амчра рнапаҟны
иааргаанӡа бзиара дук рыман. Урҭ рпартиа милаҭтә партиа­
қәамызт. Интернационалтәын. Аидеиа акәын еидызкылоз.
Иформалтәым аилазаарақәа, шамахамзар, иахьааҵысыз
ареспубликақәа зегьы рҟны имилаҭтә еилазаарақәоуп. Аԥсаса,
ашьамаҟа, ауахьад ҳәа, арахә роуп шьҭрала зҽеидызкыло.
Уара умилаҭ дахьеиуоу азыҳәан мацара абзамыҟә думаны
амҩа уқәлари, уара думилаҭымзаргьы, аҟәыӷа дуцзари, иарбану иаҳа еиӷьу? Милаҭла мацара аҽеидкылара иаанаго абнакроуп. Аԥсны, аԥсуа жәлар, ишыжәдыруа, уажәаҟара ихуааданы иҟамлацт. Ҳназдыԥшыло ҳәа иҳамоу жәлар рфорумгьы
гхас иамоуп иахьмилаҭтә форумхаз. Ҳәарада, аԥсуаа хазы
иҳамазар ауеит афорум, аха усҟан еиҿкаатәуп аԥсуаа активла
ҳхы злаҳархәыша – Аԥсны ажәларқәа рфорум. Аха уажәшьҭа,
ишырҳәо еиԥш, анцәа иџьшьаны, азин ҟалеит, афорум, афронт ҳәа акәымкәа, изакәыҵәҟьоу ахьӡ иаахтны аҳәара –
апартиақәа реиҿкаара. Аԥсуаагьы ҳхы злаҳархәыша даҽа
партиак, иаҳҳәап, еиҿкаахар асоциал-демократиатә партиа,
мамзаргьы адемократиатә Аԥсны ҳәа апартиа, усҟан милаҭла
аҽеидкылара акәымкәа, ацивилизациа злысхьоу атәылақәа
рҟны ауаа рышҽеидыркыло еиԥш, хыла-хшыҩла, гәылаԥсыла, дунеихәаԥшарала аҽеидкылара иаҳа имариахоит. Иахьа амилаҭқәа реидкылара, аинтернационалтә партиара знапы иану акоммунисттә партиоуп, аха уи апартиа аԥсҭазаара
иаҳнарбеит уаҟа амч шымхаз. Амилаҭқәа реидкылара
ацынхәрас, коммунистцәақәак амилаҭқәа реичырчароуп изҿу,
уимоу, ашьакаҭәараҿынӡагьы инаргеит. Аԥсуааи ақырҭқәеи
ашьакаҭәра ахьҳабжьалаз ииуль азыҳәан атрагедиа ду
иҟалаз, ҳәарада, раԥхьаӡа иргыланы изхароу акоммунистцәа
роуп. Сара агәра ганы сыҟоуп, ирҿагылашьа амч анцәырымҵ,
аҽанамырӷәӷәа даҽа партиак, зынӡа еицәоу аҟны ҳашнарго.
Убри аҟнытә, сгәанала, амилаҭқәа ҳаинзыршәаша, ҳаидыз­
кылаша, ма мҩакы ҳаицықәызҵаша даҽа партиак ҳмоур
ада ԥсыхәа ҳамам. Абри акы, ҩба, ҳҳәынҭқарра аҩнуҵҟа
мацара акәым, адунеи зегьы аҟны акоммунистцәа рыхьӡрыԥша каҳаит, рнапаҟны иааргаз аҳәынҭқаррақәа рҟны
рыжәлар рызныҟәымгеит. Уи зҟазшьоу акоммунистцәа рымацара ракәӡам. Партиак амацара ахьыҟоу, зегьынџьара
ус акәхоит. Адунеи аҟны абри еиԥш аҿыхара аныҟоу, ҳарҭ,
аԥсуаа акоммунисттә партиа аамышьҭахь, уаҳа акгьы ҳҭахӡам,
даҽакы ҳалалом ҳҳәар, ишԥаҳахәаԥшуеи? Насгьы, ацхыраара злаҳҭаху ала, иааҳакәыршаны егьырҭ амилаҭқәа рҟны
даҽа партиақәак еиҿкаахар, ҳара ҳашԥаҟалои? Урҭи ҳареи
еимадашьас иҳауазеи?! Иҟоуп азҵаарақәа, аԥсуаа ҳхала
ҳаидтәаланы ҳазлацәажәаша, иаҳаӡбаша, аха Аԥсны иҟоуп
убас еиԥш азҵаарақәа, апроблемақәа, амилаҭқәа зегьы
ҳаидгыланы иаҳмыӡбар ада ԥсыхәа змам. Ҳаидызкылозеи?
Ишысҳәаз еиԥш, сара агәра ганы сыҟам уи аҩыза ароль
нанагӡап ҳәа акоммунисттә партиа. Уи иара ахала ахы адискридитациа азнауеит. Иҟаҵатәузеи? Аԥсуаа иҳамоу ахшыҩқәа
зегьы абыржәы аҟара инеилаҵаны акы анаҳаӡбыша аамҭа
ҳҭамгылацт. Дкоммунистума, днеформалума, афорум далоума,
амаҵура ду дахагылоума, дарбанзаалакгьы, здырра ыҟоу ауаҩ,
ижәлар дрыхәароуп. Аидгылара ҳҭахуп акаҿы – аполитикатә
ориентациа аҟаҵараҿы, аамҭа ашьаҿа аҽақәыршәаразы.
Сара акгьы шьақәсырӷәӷәом. Зегьынџьара сиашоуп
ҳәагьы сҳәом. Ашәҟәыҩҩы дҳақьымым. Ашәҟәыҩҩы азҵаара
изықәыргылар – убригьы маҷӡам.
Аҵыхәтәан.
Агазеҭ аредакциа аусзуҩцәа! Сшәыҳәоит, иҟалозар, абри
астатиа шәкьыԥхь. Ҳәарада, исҳәақәаз шәара шәа­хьақә­
шаҳаҭқәам рацәахашт. Аԥхьаҩцәа ирҳәааит ргәаанагарақәа.
«Бзыԥ», 1990

ИААДЫРУА ЏЬОУКЫ РАХЬ ИААРТУ АШӘҞӘЫ
Ҳаамҭеи ҳҭагылазаашьеи урызхәыцыр, ухаҟны дааиуеит
ахсаала инақәыршәаны амҩа дшықәыз, ахсаала ианӡамыз,
ацҳа зхым аӡиас дук, ӡиас хәашьык инхықәгылаз ауаҩы. Амҩа
анагӡара мариахон аӡиас ахықә аҟны иаанхазҭгьы амҩа
иқәыз зегьы. Иҟалеит арыцҳарақәа ҩба. Аӡиас хәашьы рыгәҭа
ибжьысит, еиҟәнашеит еицшәа инеиуаз.
Иҩбахаз, ҳхала ахәыцшьа ҳхашҭхьеит. Ҳашьцылахьеит
хыхьынтәи иаарҳәо ақәшаҳаҭхара.
Иаҳцәыӡит аибачҳара. Ҳгәаанагара иақәшаҳаҭымхаз
«ажәлар драӷоуп», «контррреволиуционеруп».
Ари ԥырхагас ирымоуп амилаҭ дуқәагьы, иаҳагьы
иаҳныԥшуеит амилаҭ хәыҷқәа. Аԥсуаа еиҳарак еиҟәшахеит
аҩажәатәи ашықәсқәа инадыркны. Изыхҟьазгьы аԥсуаа
рполитикатә хырхарҭоуп, нас аԥсуаа еиҿанажьӡеит атәыла зегьы аҟны «ишәҭы-какаҷуаз» ауаа реибаҭира, рыцәгьеибаҳәара.
Иахьа уажәгьы иааиуеит уи атрадициа. Ҵыԥх, 1989
шықәса азы ииуль азыҳәантәи ашьакаҭәаратә еидысларақәа
рышьҭахь, аԥсуаа уаареигәырӷьартә еидгылеит. Москваҟа
хырхарҭас, хыхьчарҭас измаз рышҟа ииасқәеит уаанӡа
ирҿагылаз. Агәра ргеит аменшевикцәа рхылҵшьҭра рҟны аус
шҳамоу.
Угәы иахәартә иҟалеит даҽакгьы. Ԥаса ацәгьара ззырухьаз, шәҳамбан, наҟ шәҳалҵ ҳәа изҿагылаз рышҟа ианиас, ҳамԥан шәмааин, иаҳзыжәухьоу ҳхамышҭит, шәара
шәчарҳәаҩцәоуп ҳәа аҽԥныҳәа рырымҭеит. Ишиашамыз еилыркаазаап, рыламыс ҿыхазаап, насгьы ҳара ҳҭагылазаашьа
зеиԥшроу, ҳазламаҷу ала, агәалақәа уаӷоу игәалаиршәеит,
убри аума уажәы иусу, напык иамоу анацәкьарақәа реиԥш
ҳаӡәыкны ҳҟалароуп рҳәеит.
Даргьы, аӡиас хәашьы даҽа хықәк аҟны ихықәгылаз,
арахь иаарны, ԥаса ӷацәас иԥхьаӡауа изхәаԥшуаз ианаарылагыла, ԥыҭраамҭак, ашҭа иааҭалаз асас иеиԥш рхы мҩаԥыргон.
Аха ишнеи-шнеиуаз, иаҳа-иаҳа аԥшәмарагьы ааныркыларц
иалагеит. Уигьы усым, ихьаам, иаԥсыуаами рҳәеит уи ԥаса
аԥшәымацәас иамаз.
Ламысла уцәажәозар, зны чарҳәара узызуз, уара
ушҟа дхынҳәырц иҭахызар иҟоу амҩа заҵәык ауп. Сиашамызт, сымдырра саҭоумҵан, исыхьыз шуаҩрам, ишы406

ламысдароу еилыскааит иҳәароуп. Мамзаргьы, дахьааиз
итәашьа-игылашьа убас иҟалароуп, ҳаи, ари ауаҩ иламыс
зегьыҵәҟьа ицәымӡыцзаарын, анкьа акы ихьқәахьазаргьы,
игәалаҳаршәарым уҳәартә. Ус иҟамлеит ихынҳәыз џьоукы. Ганха-ганха ашьшьы-шьшьыҳәа ашҭа аҵыхәан иааҭалан, ааҵра
рҽавак-авакуа ишааиуаз, ашҭа ианнықәгыла, рмашьхәылҵқәа
надырхаха-аадырхахо, рааигәа-сигәа игылақәаз инарыгәҭасаарыгәҭасыргьы цәгьа ирымбо иалагеит. Уаҟагьы иаанымгылеит. Иахьааиз ашҭаҟны, аԥхӡы казҭәахьаз, зхахәы шлахьаз, шәара шәызусҭцәада, шәара шәакәым, ҳара ҳауп араҟа
иаԥшәымацәахаша ҳәа аҿаца-ҿаца ҳәа рыбжьқәа ҩҭырцеит.
Уажәы аԥсуаа ҳаизарақәа рҟны уӡырҩыр, урҭ рыбжьы улымҳа
ҵнахуеит, аԥсуа кьыԥхь аахуртлар, ҳаи, абарҭ ракәҵәҟьазаап
аԥсуаа ҳазҭахыз уҳәап, убас иҟоу апатриоттә статиақәа
рыҩуеит.
Иаҳҳәап иаҳа иаахтны. Аҩажәижәабатәи ашықәсқәа
рзыҳәан ауаа зҭиуаз, знапқәа ашьа рыхьшу аԥсуаа уажәгьы
иҳалоуп. Урҭ шьтәуп, икнаҳатәуп сымҳәеит. Ашьа иахылҵуеит
ашьа, уи ашьа даҽа шьак ахылҵуеит. Ҵыхәаԥҵәара аиураны
иҟаӡам. Рыԥсы ҭаз, аха аламыс марцхалк иадамхаргьы ирзынханы иҟазар, ачараишәа агәҭаҵәҟьа иахамтәароуп, иаанаскьаны игылароуп.
Ирацәаҩуп ҳажәлар ақырҭуа меншевиктә политика иаҿа­гылацыԥхьаӡа, иааҳәны змилаҭ ирҿагылоз аԥсуаа,
убри алагьы ақырҭқәа рполитика амҩаԥгара иацхраауаз. Сара исҳәом урҭ аӡәаӡәала рыхьӡ ҳәатәуп, иӡыргатәуп,
рсабрадақәа рҿыхтәуп ҳәа. Ҳарҭ уажәы уи аамҭа ҳамам. Иацы
ичарҳәаҩцәаха аӡыхәашь нырцә игылаз, иахьа ихынҳәны
иахьааиз, уаанӡа араҟа игылаз ашьшьыҳәа инарывагыланы,
ҳажәҩа еибаҳҭап, абаақәа, ԥхьаҟа ҳаиццалап ҳәа аҳәара
ацымхәрас, ишыҟарҵацыз еиԥш, ахарадҵарақәа ирылагеит. Ԥаса ахара рыдырҵон, рыцҳақәа рҿаҟәон политикала,
уажәы рцәа ԥырҽуа иалагеит ажәлар рыҩнуҵҟа. Уигьы хьаам, уаҩы ичҳарын, уаҵәы еиҭа иаацәгьарахар, ашьамҭлаҳәқәа
рышьҭыбжь гар, урҭ ааҳәны рыжәлар шырымҭиуа агәра ганы
уҟазар. Игәасҭахьеит, абџьар ашьҭыхра аҟынӡа ауаа зырбыжкуа, ашәарҭаҵәҟьа анааҟало аамҭазы афасара иасны ибналоит. Зегьы аҳәара, зегьы ҩны акьыԥхьра азинқәа аныҟала
ипатриотхаз аӡәы уажәааигәа аизараҿы қьышәқәҵарала
длыхцәажәон Сталини Бериеи рхаан лхы ақды иқәҵаны
аԥсуаа рыхьчаразы ашәҟәы зҩыз Ҭамара Шьаҟрылԥҳа.
Абарҭ агәҭахәыцрақәа уаанӡагьы исызцәырҵхьан, аха
исымҳәар амуа аҟынӡа снанагеит Борис Ҭыжәба аҵыхәтәантәи
истатиак санаԥхьа. Уи кьыԥхьуп апрель 23 рзы иҭыҵыз агазеҭ
«Аԥсны ҟаԥшь» аҟны. Изызкыугьы сара сыстатиа «Бзыԥ» ианылаз «Еиҿкаатәума Аԥсны даҽа партиак» зыхьӡу ауп. Партиак
ала ишьақәгылоу асистема ахьухьчауа, убри ала атоталитартә
режим уахьаадгылауа уара иуусуп, Борис. Абаҩхатәра сылоуп,
аҵара сымоуп, ажәлар рҿахәы зҳәауа сара соуп ҳәа, зхы зтәу
ауаҩы иимҳәақәаша, сара исҳәахьоушәа иахьсыдуԥхьаӡало,
ицәаԥҽыгоу ажәала уахьсыхцәажәо, исмаҳазшәа ҟасҵап.
Исычҳап сыстатиа аҟнытә ацитатақәа рыхшыҩҵакқәа
ахьынаурҳәы-ааурҳәыз, рҵакы ахьурхәанчаз. Исычҳап ажурнал «Аԥсны аҟазара» аҳәашьа ҳәа авторк истатиак аҟнытә
ажәак ааганы, убри ажәа аредакциа зегьы иаҳәашьоушәа,
сара сгәаӷ иумаз ажурнал ашҟагь ииаганы, иааумҩатәны,
агәыԥхҭра зҵыжжуа ажәала журналк ацәа ахьахухыз. Уигьы
уажәы иҳамбеит. Аӡәы игәаӷ даҽа шьоукы рышҟагьы аиагара Сталин итеориақәа ираԥхьагылоуп. Уахьацрасыз акәым,
уацрамсыр акәын сара иџьасшьоз. Урҭқәа зегьы сымбазшәа,
исмаҳазшәа ҟасҵон, Борис, акы акәмызҭгьы. Иара убри акгьы
аҭак уҭара иаԥсамкәа исыԥхьаӡон, ҷыдала сара исызкызҭгьы,
насгьы зеиԥштә тенденциак иаҵанамкуазҭгьы. Уи ахшыҩҵак
иарбану? Ирмаанашәа, иргызмалшәа иуҳәарц уҽазукыргьы,
зхы акыр ԥнаҟо еиликаартә иуҳәеит Аҳәба иеиԥш зеиԥшу
роуп амҳаџьырра зыхҟьаз, аԥсуаа рыбӷа ԥызҵәаз ҳәа. Араҟа
иаҵанакит акыр жәашықәса раахыс сара сызцу, ақырҭуа
колониалтә политика иаҿагыланы, изныкымкәа, иҩынтәымкәа
ашәҟәқәа зыҩхьоу сҩызцәа. Умаҵураҟны иуԥырхагахар ҳәа
сшәоит аҟнытә салацәажәом шықәса ҩажәеи жәаҩа раԥхьа
уареи сареи ҳахьеидгылаз иарбан усыз. Срылацәажәом
убринахыстәи упозициақәа. Уара ишыҟауҵаз еиԥш, хара
бааԥс удысҵом. Схаҭа усазҵаауазар, Аԥсны зегьы акәым,
аԥсуаа ҳаҩнуҵҟагьы акыр жәашықәсақәа раахыс 2-3 партиа ыҟоуп, урҭ апартиақәа иааҟәымҵӡакәа аусура иаҿуп, зны
маӡала, ҽазны иаахтны еиҿагылоуп, уашьҭа иаамҭоуп урҭ
рыргамара ҳәа сгәы ишаанагогьы, сыстатиа аҟны сара акгьы
шьақәсмырӷәӷәеит, азҵаара ықәсыргылеит аҟароуп. Иарбан
партиақәоу аԥсуаа ҳаҩнуҵҟа иҟоу ҳәа уҵаауазар, абыржәы
иусҭауа азҵаара аҭак ҟауҵар, уара ухала иуҳәоит.
Адәахьы сахьгылаз слымҳа иаҳаз, сыбла иабаз сара
исҳәап, аҩнуҵҟа иҟалаз, уаҟа иаҳҳәаз ажәақәа уара инацҵа.
Иугәаласыршәап, 1978 шықәса рзы акәын. Қарҭынтәи
апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩ Шеварднаӡе даан, аобком аҟны
актив еизганы, Аԥсны хыла-гәыла еилазҵаз ҳара иаадыруеит,
урҭ ҩажәаҩык иреиҳам, наҟ инашәылаагоит, нас иҭынчрахоит
аниҳәа, азал аҟнытә итәаз игәырӷьаҵәа, агәырқьҳәа рнапқәа
еинырҟьеит. Ақырҭуа колониалтә политика уаҳа чҳашьа амам
ҳәа ашәҟәы зҩыз, знапы аҵазҩыз џьоукы рмаҵурақәа ирымырххьан, апартиа иалырцахьан, џьоукы лахьы рырҭахьан.
Аԥсуак, Аобком амаӡаныҟәгаҩ аԥсуаа еиҿкааны ирымоуп
анационалисттә партиа, иалақәогьы абарҭ роуп ҳәа 120ҩык ҳарбаны, Қарҭ ЦК ашәҟәы шьҭеиҵахьан. Убри аамҭазы
аус ахьууа аредакциаҟны днеит Қарҭ ЦК аидеологиа
амаӡаныҟәгаҩ, аԥсуаа ҳзыҳәан цәгьарамзар бзиа зымҳәац
В. Сираӡе. Убри анҳаҳа сҩызцәақәаки сареи ҳнеит аредакциа ааигәара. Иҟаларызеишь, ирҳәарызеишь ҳәа ҳагәжәажәо
адәахьы ҳгылан. Уаҟа ишәылан ашәҟәы знапы аҵаҩыз,
зыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылаз ҳҩызцәақәак.
Акыр ҵхьаны даадәылҵит ҳҩызцәа руаӡәк. Уи
дышәҟәыҩҩуп, джурналиступ, уаажәларратә усзуҩуп. Анцәа
иџьшьаны иԥсы ҭоуп, акыр ацысҵозар иҳәааит иара, Анатоли
Возба.
– Иҟоузеи, абаақәа, акыр шәызҳәама, уаҩҵас цәажәара
ыҟазма, ҳашәҟәы иадгылама? – ҳәа ҳнаидххылеит ҳҩыза Анатоли Возба. Иԥсахы ԥыжәжәо, ацәажәара илшомызт. Дцәышӡа,
ԥскәарак ихамкәа, фу уҳәар дшынхышәҭра дыҟан.
– Илҳәазеи Қарҭынтәи иааз? – дыхҭаҳкит.
– Уи илҳәоз еилкаауп. Ақырҭқәа ирҿагыланы ашәҟәы
зҩызи уи иадгылази рҭыԥ иқәҵатәуп, нас ҭынчрахоит Аԥсны
лҳәеит. Аха сара сгәы ԥызжәауа, ҳара ҳтәқәак, аԥсуаақәак
ирҳәаз ауп, – иҳәан ҿааиҭит.
– Изусҭцәада? Ирҳәазеи? – ҳнаиазҵааит.
Имҳәеит.
– Ҳара-ҳара аиҿагылаха ҳамоума, ҳазҭагылоу
шәымбаӡои?! – иаахиркәшан, деишәара-еиҵараха дынҳадҵны
дцеит.
Ҳара ҳаԥшын. Аизара шәалгахьан. Убри аамҭазы
уҩызцәақәак урылагыланы, зыгәҭыха наӡаз ауаҩы
дышԥышәарччо еиԥш, уԥышәарччо, угәалаҟазаара бзианы
аредакциа уаадәылҵит уара, Борис Ҭыжәба.
Уиаахыс акыр шықәса ниасит. Исхашҭит. Аха абыржәы,
адәахьала гәыблрала иҭаҳәҳәашәа, ҩнуҵҟала ашҳам
алыжжуа, харадҵарала, цәаԥҽрала иҭәны иуҩыз астатиа санаԥхьа, иахьаанага сзымдырӡо, сыбла иаахгылеит
ҩ-хаҿсахьак. Иԥсахы ԥыжәжәо, ацәажәара злымшоз Анатоли ихаҿсахьеи, ухы наркьынаа-ааркьынаауа, иреиҩысҭааыргызмалшәа, унцәыҵачча-аацәыҵаччо згәалаҟара бзиаз
уара ухаҿсахьеи. Абарҭ ахаҿсахьақәа анеиҿагыла, ус ҿаасҭит
схазы: «Шәеинышәароуп, шәеилаланы, хаҿсахьак шәылҵроуп.
Аԥсуаа ҳмаҷуп. Ҳаидгылазароуп. Партиак ҳамазароуп. Убри
апартиа абольшевикцәа иаҳзааргаз апартиа акәзароуп. Даҽа
партиак анҳау, ҳаиҟәнашоит. Уаанӡа аӡәк иеиԥш ҳаидгылан.
Уажәы иҳаму апартиа, аҭоурых уздыруам акәымзар, иссируп. Анасыԥ лаша ҳзаанагоит. Уажәраанӡа иҳазнаухьоугьы
ҳақәнагон, ииашан. Ацәа ԥумҽын. Иумбои, ауаҩ ҟәыӷа уара
уеиԥш зеиԥшу роуп аԥсуаа арыцҳарақәа иақәзыршәахьоу
иҳәеит. Иара иеиԥш зеиԥшу ҳаиқәырханы ҳшааргауа
шԥоузеилымкаац». Абас сналаган, Борис, уара уеиԥш зеиԥшу,
жәлары ирҿахәҳәаҩу аԥыза ду, аҟәыӷа иҳәап ҳәа сгәы
иаанагақәоз зегьы еиқәысыԥхьаӡеит. Иамуит, аԥсуара, ауаҩра,
аламыс ҳәа егьа мчыла еидызгәагәаларгьы, урҭ аҩхаҿсахьак
неилаҵаны, хаҿсахьак сызрылымхит. Урҭ аҩхацәак еидылартә
аҟаҵара уара иулшар, Борис, нас агәра згоит, аԥсуаа еснагь
партиа заҵәык шҳамаз, аринахысгьы даҽакы шаҳҭахым.
Иҟалазеишь, Борис, аԥа дуоузшәа узԥышәарччоз?
Ақырҭуа меншевикттә политика иаҿагылаз, рыҩны амца
акызшәа, рылахь зеиқәыз убасҟан аредакциа шәанаадәылҵ.
Иухашҭзар, суцхраап, иугәаласыршәап.
Мышқәак анааҵ, Анатоли Возба ҳиҳәеит, иҟалаз аиаша
ҳаиҳәарц. Аҭак иҟаиҵаз ажәак бжьамыжькәа, исгәалашәоит. Уи
еснагь даргамоуп, уиазҵаа, уаргьы иуеиҳәоит. Абар иҳаиҳәаз:
«Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы апартиа иалоу зегьы аизара
иалахәын. Қарҭ ЦК амаӡаныҟәгаҩ В. Сираӡе илҳәаз аполитика
санаҿагыла, ҳәаццышә ҭыхла иаасҿагылаз раԥхьа дгылан Борис Ҭыжәба. Уи аԥхӡы наԥхьаҳәо, иԥсы ҭкәакәаа дрыгәҭасны
аӡы ихиҵон аԥсуара иадгыланы, ақырҭуа колониалтә полити410

ка иаҿагыланы хацәнамырха иқәԥоз, ҳала ҭраа ҳазхәаԥшуа
ҳҵарауаа, ҳинтеллигенциа, аԥсуара ахьчаразы ашәҟәы
ҩны Москваҟа изышьҭыз. Сара ҩынҩықәра нысҵыргьы
исхашҭӡом Борис Ҭыжәба ихы насықәкны ииҳәаз: «ҷкәына
ҟьантапырқәак, имхәыцӡакәа, шәҟәык рҩын, уи ала ҳаԥсуа
жәлар еиларгоит. Урҭ аԥсуара иазеиӷьу акыр ҟарҵо џьышьа,
аригьы (инацәа ркәаӷны ишсықәкыц икны) дара реиԥш,
дымхәыцӡакәа, дмыцәа-дымтәа, дыҩуа дрышьҭоуп».
– Аҭак узимҭаӡеи? – дыхҭаскит сара.
– Ишырымуаз, аӷәра шысҿадырххоз, иасҳәеит ихәҭаз.
Уи иасҳәеит абас: «Борис, уара аҷкәынцәа ҟьантапырқәа
ҳәа иуԥхьаӡо, Аԥсны аиқәырхара иашьҭоу уаауп, урҭ
реимааҵаршьы уаргьы саргьы ҳаԥсаӡам! Анцәа иџьшьоуп
иахьа 37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа ахьыҟам, ҳазегь ухы
ҳакәыхшаны аџьаҳаны аилашра ҳҭаужьуан!» – иажәа даналгоз, Анатоли инациҵеит, – аизараҿы сара сымацара сакәым,
аӡәык-ҩыџьак ҳус иадгылақәеит, иаҳҳәап, Хәыта Џьапуеи
Вова Чуази».
Абарҭқәа, ашәиаҟ еиԥш инаҳәы-ааҳәқәо рзыҳәан акәхап,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2114
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2172
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3334
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2343
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2249
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2187
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2176
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2177
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3377
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2162
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2211
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2207
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2271
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3296
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3311
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2202
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2296
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3408
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3367
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2221
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2156
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2054
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2216
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3333
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2174
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3272
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2076
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3349
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 22
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20