Latin

Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24

Süzlärneñ gomumi sanı 3408
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
еидҳәалоуп. Ииҭахузеи аӡы иаанахәауа? Аӡсашьа. Амалмазара арҳара иашьҭалазгьы ахшыҩ ада ԥсыхәа имаӡам.
Ихҳаркәшап. Адоуҳатә мал азырҳара иашьҭалаз иакәзааит,
дарбанзаалак аӡәгьы азин имаӡам даҽаӡә игәаанагара имхра. Ауаҩы шаҟа дҟәыӷоу, убасҟак иаҳагьы ихшыҩ азышьҭны
дизыӡырҩуеит иҵкыс еиҵаны издыруа, избанзар, аҟәыӷа
идыруеит, шаҟа анышә иаҿыхо аҟара иаҳагьы ишыцырцыруа ацәеиха. Убри азыҳәан акәын иара иқәшаҳаҭымхоз, уимоу, ииҳәоз иаҿагылоз чҳарала, ҳаҭырла дзырзыҟаз Ленин.
Иқәшаҳаҭымхози иареи реимак иаҳагьы иацәуан, иашьалашьынуан иара ихшыҩҵак дуқәа.
Иҳазҵаар ҟалоит усҟан аиаша ҳәашьа амамызҭгьы,
агхақәа, ацәгьоурақәа асҟак ирацәазҭгьы иабаанагеи
ҳаихьӡарақәа ҳиааирақәа ҳәа. Иашоуп, аиааирақәа ҳамоуп,
иагьырацәоуп, аха урҭ аихьӡарақәа ргара алшон усҟак
ахҭнымҵакәа, иҟазҭгьы ареволиуциа ахаҭа ззыҟаҵаз – адемократиа.
Сара иаҳа сазааигәоуп ақыҭа нхамҩа. Иалахьынҵахазеи
уи, насгьы ҳабакылнагеи? Уи аҿиашьа аизҳашьа, мҩас изнылаша реиҳа издыруаз, реиҳа иҟәыӷаз, адунеи зегьы рҿы еицырдыруаз, Вавилови Чаианови реиԥш иҟаз ауаа ԥсышьацәгьа
рырҭеит. Рхаҭақәагьы ршьит, рыхшыҩгьы аҳәынҭқарра
иаԥдырхеит. Адгьыл ақәаарыхра аԥышәа ду зқьышықәсала
иаазгоз, ишырҳәо еиԥш, зыблақәа хҩаны амхы лазҵоз, имарымажаха иаазрыхуаз, зыхгьы ныҟәызгоз, аҳәынҭқаррагьы
акыр алазгалашаз рнапқәа ҿарҳәеит. Иԥырны инеиуа
аԥсаатә уеихсыр, ашәақь алҩа кабаанӡа, аԥсаатә кашәоит,
аха ауаажәларра рырҿиараҿы аҳра зуа даҽа закәануп.
Ииашамкәа амҩа иқәҵо аус, ишиашам ааԥшра иалагоит,
алҵшәа цәырҵуеит акыр шықәса анҵлак. Ариашарагьы даҽа
акыр жәашықәса уаҩы дамыхәо иумпыҵахоит. Гәаанагарак
аамышьҭахь даҽа гәаанагарак аҳәара ахьыҟамлоз ауп
изыхҟьаз ақыҭанхамҩа ииашамыз амҩа иахьықәҵаз. Уи ииашамыз амҩа иахьықәҵаз иахҟьаны анхаҩы игәы ахшәеит
адгьыл. Дныҟәызго, зыда ԥсҭазаара имамкәа дызхәаԥшуаз адгьыли иареи еицәыхьшәашәеит. Уаанӡа анхаҩы иҵагылоз аҵеи
диеигәырӷьаҵәа, диварԥало адгьылқәаарыхрахь дигозҭгьы,
уажәы наҟ икажь, дад, ацәмааи аҽагеи урызныҟәгом, ухы
уахәа, уқәҵ, ақыҭа ааныжь иҳәеит.
Сгәанала, хыԥхьаӡарала ажәлар реизҳарагьы абри
иахьадҳәалоу рацәоуп. Уаанӡа анхаҩы ахшара рацәа имазар
иҭахын, избанзар, урҭ ианрызҳалак, иара имахәҿақәа инарыцлон даргьы рмахәҿақәа. Арсҟак арахә исзану сара исылымшо саналагалак, избода, сыԥсыр иззынсыжьуада сара сынхара, сыдгьыл даҽаӡәы дааины дзықәнхарызеи, сара исыхшо
ирыхшо уаҟа инхароуп ҳәа дхәыцуан.
Уажәы ахәыцра далагеит, имышәхәы анаауанӡа. Сара
дыстәуп, уинахыс ихы ахьынахо дықәҵны дцозар, схы
зсыргәаҟуазеи, ирацәаҩны ахшара зысҭахузеи ҳәа. Абарҭқәа
зегьы лҵшәас иаиуз, ҳааины ҳааҭагылеит. Ҿырԥштәы заҵәык.
Аарла-афора ҳәа актәи акласс иазхашаз ахәыҷқәа еизыргеит
сара сқыҭан Аҭара иаҳхысыз аҵара шықәс азы. Афатә ҭирҭа
адәқьанқәа шәнарыҵалар, ирҭиуа фатәыла иахьынӡеиқәшәоу
шәыблала ижәбоит. Анхаҩы ицәҳарӡыз адгьыл агәыблра,
имхәшәтәыкәа класск аҳасабала здац-ԥашә ахәра ӷәӷәа
анаҳҵаз анхацәа рыкласс, ӡбашьа аиуам афатә-ажәтә азҵаара
мацара акәым, инеизакны аекономика зегьы. Уи ҟаҵашьас,
ӡбашьас иамоузеи? Еиуеиԥшым агәаанагарақәа рҳәарала,
жәашықәсала ирылааӡаз агәыҭҟьара ауаа рхы-ргәы ацәгарала.
Акыр шықәса ҳҭагылазаашьа зеиԥшраз, азакәан еилагарақәа
иҟаз, амассатә репрессиақәа имҩаԥыргаз ҳрыламцәажәакәа,
иаҳхагылаз закә уааз аиаша еилаҳамкаакәа, ажәакала, ачымазара – ҳгәы ак ҭаны, ҳҿы даҽакы арҳәара – адунеи ахаан хәшәтәышьа ҳзаҭом. Уи ҳамхәшәтәыкәа, уи адоуҳатә тәра
ҳацәымцакәа ҿиашьа, еизҳашьа ҳауам.
Ҳаиасып даҽакахьы. Ахатә гәаанагара аҳәара, аиаша
амҵәахра ҳаназааигәаха ицәырҵит,ахы ҳнардырит иаҳцәыӡны
иҟаз даҽакгьы. Хараӡа иаҳцәыӡхьан, иаҳхашҭӡарц иалагахьан
ацәажәашьа, избанзар, ацәажәара уақәиҭымкәа, ацәажәашьа
ахаан иузҵараны уҟаӡам, акәашара уақәиҭымзар, акәашашьа
шузымҵо еиԥш. Исыздыруам
егьырҭ амилаҭқәа рҿы
ишыҟоу, традициақәас ирымоу, ҳалацәажәап, инарҵауланы
акәымзаргьы, уеизгьы иаҳа иаадыруа, иаҳа иаҳзааигәоу –
аԥсуаа ацәажәашьа шаҳҵауаз. Аԥсуа ҳәынҭқарра аныҟаз,
аԥсҳа Лыхны дантәаз аамҭақәа рҟнытә акәхап иахьынтәаауа,
абжьыуаа рҿы ирҳәо саҳахьеит абри еиԥш. Қыҭацыԥхьаӡа
имҩаԥыргон ацәажәаҩцәа реиндаҭларақәа. Реиҳа еиӷьны
ицәажәоз, зажәа ҟәыӷаз, зажәа ԥҟаз, зцәажәашьа ԥшӡаз
даладырхәуан абжьуаа еиқәшәарҭас ихьрымаз Мықә аизара.
Абжьуаа реизарҭа ҳәа иашьҭан Мықә ашҭа. Уаҟа аицлабра
мҩаԥысуан жәлары зегьы ишырбоз, ишраҳауаз. Ҳәарада,
ицәажәоз, даҽа џьоукы идырҩны акәым, рхаҭақәа ирҩыргьы,
ақьаад ркымызт, акгьы иаԥхьомызт. Дцәажәон ажәлари иареи рыблақәа еихәаԥшуа. Убраҟа абжьуаа еицырзеиԥшыз
еиндаҭлараҿы дреиӷьхеит ҳәа иалырхуаз ус дук анрымоу
рҿахәы еиҭаҳәатәыс, цҳаражәҳәаҩыс дрышьҭуан Лыхныҟа,
аҳ ишҟа. Ацәажәара абаҩхатәра егьа илазаргьы дарбанзаалак иҭахуп азыҟаҵара, аԥышәа. Ажәытәан абырзенцәа
ацәажәаҩцәа рышкол рыман. Абоиарцәа ражәа анырҳәоз,
қьаад хәыҷык иадамхаргьы рнапаҿы иркыр иуӡомызт Пиотр ду.
Ақьаад иахьаԥхьо мацара акәым, қьаад ркымкәа, уаҟа иану
заа игәарымҭакәа, аизарақәа рҿы ажәа уаҩы ирымҭо аҿынӡа
ҳнеины ҳаҟан. Иаазгарц сҭахуп ҿырԥштәык. Изаамҭанутәи аизара ду ҳаураны ҳаҟан Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа зны. Ишаабацыз еиԥш, иқәгылараны иҟаз рсиа заа иҟарҵеит. Уи уеизгьыуеизгьы цәгьара дук амамызт. Шәықәгыларақәа жәҩы рҳәан,
ҳлартәаны иааҩит. Уаҟагьы иаанымгылеит. Ижәҩыз ааганы
иаҳшәырбароуп, заа ҳара ҳаԥхьароуп анырҳәа, зхы аҳаҭыр
ақәҵара згәаҵаҿы зынӡа арцәара иахьымӡацыз џьоукы
ацәажәара мап ацәыркит, џьоукы шәхаҵкы-шәыԥсаҵкы
шәаԥхьа ҳәа инаганы дара ирымҵаркит. Зынӡаск даҽа мҩакы
данылеит сҩыза шәҟәыҩҩык. Длатәан иқәгылара иҩит.
Саирԥхьеит. Иреицәоу абиурократ, иреицәоу амҵақьақьаҩ,
наԥхаҩ изыҩрымызт уи ииҩыз. Иганы идирбеит.
Аизара цоит. Ажәа наирҭеит. Иџьыба иааҭигеит иқьаадқәа.
«Аламысда амҵақьақьаҩ, аԥсахҩы!» сҳәоит сахьтәоу. Даԥхьо
иҿынеихеит. Исҳәара сҿамшәеит. Иабаҟоу сара сызирԥхьаз!
Дныркыларц, идмырҳәарц иалагеит аиаша иацәшәоз.
«Исшәырҳәа, ҽазны ажәа шысмоуа здыруеит» –иҳәеит.
Егьиашаҵәҟьаны, уинахыс уи ауаҩ еизара дук аҿы ажәа иҳәо
сымбеит. Абасеиԥш иҟаз ауаҩы ицәаԥҽра, ауаҩы иларҟәра
ҟамларц, ихы агәра игарц, иаргьы дышуаҩу, иԥсҭазара
дшаԥшәымоу идырырц ауп изызҳәоу адемократиа арҭбаара.
Аха адемократиа ҭбаа иаҳа-иаҳа амҵәыжәҩақәа еиҵнахырц,
иаҳа-иаҳа аҽарӷәӷәарц азы ҳазиааиша аԥынгылақәа иреиуоуп даҽакгьы.
Ҳхы аанкылашьа ҳақәшәаӡом, иҩбахаз, уаҟа иаҭыԥуп,
иаҭыԥым ҳәа ҳазымхәыцӡакәа, ҳгәы иааҭоу, хьаас иааҳамоу
зегьы рҳәара ҳалагоит. Сақәӡбарц, саҿагыларц, ацәажәара
аанкылахарц азыҳәан акәӡам абри зысҳәауа. Ус зыҟалаз
ҳазхәыцны, ичҳаны ҳаицхырааны уи «ачымазара» ацәцара
ҳаицазықәԥалароуп.
Ауаҩы шаҟа ацәажәара имоуа, убриаҟара ацәажәашьа
ихашҭуа далагоит. Иԥшӡаны ацәажәашьа анихашҭлак,
иажәа иахьакәым, ишакәым ицәыбыруа аҿынанахоит, игәы
иҭоу уаҩҵас изымҳәо, иажәа хәанчахоит. Ацәажәара – ари
ҟазароуп, аҟазара арҿиара мацара акәым, ирҿиоу еилукаарц
азыҳәангьы иаҭахуп азыҟаҵара бзиа.
«Аԥсны ҟаԥшь», 1988

АНАԤШҨЫ…
Ҳанҵамҭа хәыҷқәа ҳрылагап лаф-ҵәалаҵарала. Ажәаԥҟа:
«Алаф абжа иашоуп», –иаҳҿазкуа аҭак иаҳҭап заа: «Абжа
акәым, азнагьы ахьиашақәоу ыҟоуп». Ус акәзар, иабатәи
лафу? Иааурызеи, хшыҩла ҳаиҟароу аиҳа цәажәашьалагьы
ҳаиԥшым. Абраҟа зыӡбахә ҳамоу араион ажәытәан,
амҳаџьырра ҟаланы, амҟәыл каҳаанӡа, Аԥсны бӷашшарас иамаз дгьыл ҭыԥын. Иахьа инханы иҟоу аԥсуаа аӡәык-ҩыџьак,
мамзаргьы даԥсуамзаргьы, аԥсшәа здыруа, араҟа зыхьӡ сҳәауа
аҭыԥхьыӡқәа рҩызцәа смаҳацт иҳәашт. Ҳаргьы иаҳмаҳацызт,
аха уԥхыӡгьы иаламшәаша, лабҿаба иахьубо ҳ-Аԥсны ԥшӡа
аҟны, уи аҩыза аргама иахьаабаз зынӡаскгьы иџьаҳамшьаӡеит.
Иаадыруан Ельдорадос иззыҟаланы иаанагаз ршьап ҭыԥ,
рнап ҭыԥ шьаҿацыԥхьаӡа ишаҳԥылоз. Аха уеизгьы… Абасала, ԥхны шьыжьык, мшы ссирк аҽны, ҳаамҭазтәи «аҽыҩ»
қәарқәашьеи «Жигәли» ҳлақәтәаны, Амҷба хаҵаки сареи
ҳақәлеит амҩа. Аҟәа ақалақь ҳҩалсит. Ҳналагылеит Мархьул
ақыҭа. Ианыршәла ҳҿынаҳхеит Сталин иулица. Ҳашнеиуаз
ҳҩықәсит Мачара аӡиас ихыз ацҳа. Арҭ ахьӡқәа анызҵаз,
рнапы ианнаҵаз акәымкәа, ргәы иҭан ҳәа сгәы иззаанагақәо
уашьҭан иасҳәап аԥхьаҩ. Уажәы «ҳҽыҩ» неиуеит ԥхьаҟа.
Зыхьӡ аҳәашьа ззымдыруа, ма сышьҭыбжь шәсырҳалап ҳәа,
ҳашьҭахьҟа ахьхьаҳәа ицәажәоз аӡиас ааныжьны, ашьхаҟа
ҳнаскьацыԥхьаӡа, иааҟәымҵӡакәа ҳхы иҭагьежьуан зҵаарак.
О, ари ашьыжь, ари алашьцара еимыггацыԥхьаӡа, зхы-зҿы
хтуа аԥсабара анҭ, ашьхақәа уҳәа, аӡиас ахықәқәа руак аҿы
инаргыланы, егьи ахықә аҿы иургылар ауаҩытәыҩса иламыс,
нас ауаҩы уиазҵаар, иарбан ҿықәу уара уиасырц ахьуҭаху ҳәа,
иалихрызеи? Урҭ зеиҿаргылатәузеи иҳәашт акритик. Рыцҳарас
иҟалаз, арҭ еиҿазыргылаз, иара аламыс ахаҭоуп. Афактқәоу?
Ҳаԥхьаҟа иаҳҳәараны ҳаҟоу ашҟа ҳаиасаанӡа, ишәаҳҳәап,
ҳашьҭахьҟа инҳажьыз. Ҳашьҭахьҟа инҳажьит Амшын Еиқәа,
амшын иаҵәа, амшын ссир… Иаҳҳәап иаҳҭаху шәыблала
ижәбарц шәҭахызар, ҳаҳҭны-қалақь ахықәан шәынӡааԥшыл
Амшын ԥшӡа, уаҟа ихыӡсало амцқьарақәа жәбап. Аха ҳахьцо
уаҟагьы… О, уаҟа… зназы, уахьҵәҟьа ҳнеиаанӡа, даҽа уск
ӡбатәыс иҳауит. Ӡиаск ҳаиҭанхықәгылеит. Уажәраанӡа зыцҳа
ҳақәсыз аӡиас, аҭаца лыхьӡ анырыԥсахуа еиԥш, даҽа хьӡык
ахьӡырҵазаргьы, ма хьӡык амоуп, аха ари аӡиас ахьӡ… Мап,
хьӡыдаҵәҟьа инымхеит, аурыс бызшәала ахьӡ ҿаҿаӡа иануп, иануп иара убас қырҭ бызшәалагьы. Аха аԥсышәала…
Нырцәгьы-аарцәгьы адҩыла ӷәқәа игылаз амардуан надыргыланы, еихаҵәрыла, аԥхӡы каҭәаны, ес ирулак иӷьӷьаны
иамырхгәышьеит. Ельдорадоаа, ҳәарада, ус ҟарҵар акәын.
Издыруада, бжьыс хәыҷқәак иҟарҵаз иалацәажәатәызма ҳәа
аӡәыр иҳәарц иҭахызар? Ибзиоуп, ус акәыз, ахәыҷ бжьысқәа
зааӡази, ма иҟарҵаз змыриашази ҳаблақәа рызхааҩап. Аха
ҳахьгылоу ҳаиҭаҵып, избанзар, аԥсышәала аӡиас ахьӡ «Сакьан» абас иахьырыӷьӷьаз аԥхьаҵәҟьа даҽа адҩылак гылоуп.
Уи уажәраанӡа зыӡбахә ҳамаз Мархьул аҵкысгьы еицәахеит.
Адҩыла ҳаԥхьоит, астрелка иаҳнарбоит. Уарӷьарахь уцар
унанагоит Сакьан ақыҭан, уармарахь уцар… Уабананагои?
Иҳаздыруам. Избанзар, уара иуаҳахьеит уахь иҟоуп ҳәа ақыҭа
Омаришара. Аха уара уанырҵарц рҭахуп даҽа мҩакы – Омаришьара. О, урҭ еиԥшым, еиԥшу аха ақалақь ҳанналалаҵәҟьоз
иаабаз ақыҭа ахьӡ Баӷбарани Баӷмарани. Баӷмарани қырҭ
бызшәала, зынӡаск даҽакы аанагоит. Баӷбаран ԥсышәала иаанаго еилышәкаарц шәҭахызар, анцәа иџьшьоуп, иахьагы уи
ақыҭаҿы инхоит, шәразҵаа Абаӷбақәа. Омаришара иаанаго
еилкаауп. Иҿаҿаӡа аԥсышәала иуацәажәоит, аха зегьы ир346

зымдыруазар ҟалоит иаанаго Омаришьара. Уи агыршәала иаанаго Омар имҩа ҳәоуп. Ажәакала, Баӷбарани Омаришареи
рыхьӡқәа рҿы, џьара «б» аҭыԥан «м» ҩагылан, даҽаџьара «ш»
нас «а» арԥшқага иҩарыбжьалан, ахьӡқәаҵәҟьа уаҩы изымдыруа инеиладырҩынтит.
Ҳдәықәлеит Сакьанҟа, иаабарц иаҳҭахыз Кәыдры ахы
ахьыҵыҵуа ашҟа. Имлашьуа ауаҩ ачыс еишәа дахауртәар,
иҿи инапи шизеилымхуа еиԥш, аҵлақәеи атракторқәеи еилыхшьа рымамкәа анибарҵәара иахьаҿу ҳабла иаҳмырбарц,
ма ҳахшыҩ азаҳмышьҭырц «ҳалбааит» наҟ, иҳаҩсхьоу
ашәышықәсақәа рахь. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иҟамызт
даҽаџьара ҭыԥк, абри аҩхааҿы аҟара аԥсуа жәларшьҭрақәа
ирхылҵыз ауаа рацәаҩны иахьҭанхоз, абра аҟарагьы ацивилизациа ахьыҳаракыз. Ҳхы агәрагара ҳацәнарӡырц иаҿу,
ҳаԥсадгьыл агәыблра ҳгәаҿы иашьырц хықәкыс измоу аҭоурых
акәымкәа, егьи иаҳамҳәо аиаша ҳгәалаҳаршәозар, ақырҭуа
ҵарауаҩ Маҷавариани излеиҳәо ала, ампыҵахалаҩцәа
араҟа ианҭала, уахык иалагӡаны, аԥсуаа иқәдыргылеит
жәа-нызқьҩык ар. Уажәы иҭырҭәааны инхозшәа шубогьы,
иааҭанхо зегьы еизугаргьы, жәа-нызқьҩык ҟамлозар, усҟан
ар рымацара жәа-нызқьҩык анықәдыргыла, хәыҷгьы-дугьы
уԥхьаӡар, шаҟаҩы ыҟаз уажәшьҭа шәара шәазхәыц. Аха ҳара
ҳахнымҳәыр амуит ҳазцәыбналарц иаҳҭахыз – ҳабла иабауа,
ҳлымҳақәа ираҳауа ашҟа, избанзар, атракторқәеи аҵла кды
ҟьантазқәеи ахьықәибаргьежьаауаз убасҟак амҩа ҟәыбаса
иқәырҵеит, убасҟак аҳәынҵәа ҭырҟьеит, ҳара ҳмашьына
хәыҷы аныҟәара акәым, ашәқәа аарла иаартны, ҳаиқәақәа
нҵаҳаркәакәеит. Аҳәынҵәа ҳахьынӡалхоз, уи ҳзеиԥшранатәыз
шәара изышәҭахузеи, шәара шәрызхәыцла абарҭ афактқәа.
Иаарыцқьаны жәашықәса уажәаԥхьа аиҳабыра ирыдыркылеит Ақәҵара ду. Аӡыхь ахы ыҵхын. Уи апунктқәа
руак аҿы иаҳәон Аԥсны иԥырҟауа абна шәиԥшьынҩажәа
нызқь кубометра ларҟәызааит ҩынҩажәеи хәба нызқь кубометр рҟынӡа ҳәа. Аха еиҭах иҟалеит иҟалац. Ари апункт ламыс змази ауаа ԥаршеиқәеи еимдырххеит. Ауаа ламысқәа
еигәырӷьеит Аԥсны еиқәнархоит ҳәа, аха аԥаршеиқәа ргәы
инҭаччеит егьырҳәеит ргәанала: «Аца ашә адыркит, аха аца
ашьҭахь унапы ҩҭушьыртә акылҳара аанрыжьит, уи ҳара
иҳазхоит». Абас егьыҟалеит. Уажә ааигәа маҵура уаҩык
сиацәажәон. Аекологиа, амедицина, афлора, афауна уҳәа ина347

дыркны, шәаҳәаҩык лҳәашьа, синхрофазотрон аҟынӡа зегьы
шидыруа ансирба, саргьы санақәшаҳаҭха ашьҭахь, уи диасит сара сзыргәаҟуаз – абнаԥҟара атәы ашҟа. Иҟалап, агәра
игаҵәҟьаны дыҟазҭгьы, иҟалап, ииҳәоз шиашамыз дырны, аха
сара гаӡас сшьаны иҳәозҭгьы, аха уи иблақәа неихамҟәскәа
саҳәара даҿын асанитартә бнаԥҟара аныҟамла, абна ахаҭа
ԥсыхәа шамам, убри аҟнытә шакәу 45 нызқь кубометр
ԥырҟаларц аплан зааныжьу. Акы, уеизгьы-уеизгьы инеиҳамкәа
инеиҵамкәа есышықәса Аԥсны 45 нызқь кубометр абна
шычмазаҩхо заа Москва издырда, ҩбагьы, ажәа медицина
ҟалаанӡа акәым, ауаҩы ихаҭа адунеи дықәнагалаанӡагьы,
акыр миллион шықәса еихышәшәо адгьыл иқәиаауан абна,
аха ичмазаҩхоз аҵлақәа ҳалшәымгеит ҳәа иаанхазгьы
чмазаҩханы имԥсит, уимоу, ак чмазаҩханы, иажәны, икаҳаны,
ибааны иахьцоз, хыԥхьаӡарала иаҳагьы ирацәаны, иаҳагьы
иџарџаруа аҩызцәа ҩагылон. Амаҵурауаҩ исеиҳәақәази
Сакьан сыбла иабақәози сышрызхәыцуаз иаасгәалашәеит…
Иарбану жәдыруандаз! Реиҳа идырҽхәауа ақыҭа, Лыхны
ақыҭа. О, уи ахьӡ хара иахьнаҩуа, аҽхәаԥхьыӡ ахьырҳәауа,
ҳарҭгьы агәеизҳара шԥаҳнамҭои, аха ҳара иаҳа агәеизҳара
ҳнаҭон уи ақыҭа ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ҳаназхәыцлак илашакаҷҷараны иаабозҭгьы. Алашара, ҳәарада, иҟалашт, афымца
лашара. Аха агәырӷьара ҟаларушь усҟан, акыр шықәса анҵлак
уаҟа инхауа ауаа рыгәқәа рҿы? Избан, ҳзылакҩакуазеи?
Аԥсны зегьынџьара ақәа анауа, Лыхны ианамуа еиҳауп.
Изыхҟьазеи? Аарҩареи Лыхны ииуаз ашәаԥыџьаԥ рықәхреи
шаҟа еидҳәалоу аӡәыр дазхәцу? Иахьатәи аплан мацара ишазхәыцуаз, ԥхьаҟатәи ақыҭа аԥеиԥш рхамышҭӡеишь
уаҟа? Ԥсы зхоу зегьы ааԥсоит, аԥсеиҭакра рҭаххоит. Зыԥсы
ҭоу иаҩызоуп адгьылгьы. Уқәаарых шықәсык, ҩба, хԥа, жәаба.
Уинахыс аԥсшьара аноумҭа, уааҟәмҵӡакәа иоуҭалар акәхоит
ахәшәқәа. Адгьыл шаҟа ахәшә ауҭауа, убасҟак уара, ауаҩы,
узырчмазаҩуа ахәшә лбааудоит. Адәахьала еиҿаччауа,
ҩнуҵҟала ма уара, ма сара ҳәа адгьыли ауаҩи ақәибахразы
аиқәԥара иаҿуп. Ицашт шықәсқәак, мышкызны адгьыл иаргьы ахы изамыхәо инхашт, аха ауаҩгьы илымгар ауӡом. Ҵаны,
уажәы ари ақыҭаҿы ҵлакгьы ԥуҟар руӡом, аха уажәшьҭа
иабахәо, уеимдозаргьы иԥуҟаша ыҟамзар, уҭрак, аԥсы ашьап
ҳәа инышьҭаҵаны, даҽа уҭрак аашьҭухыртә, дгьыл нымхазар, арахә ҳәырҭа рымамзар. Аҩажәижәабатәи ашықәсқәа
инадыркны лхаа рнапхгаҩцәа ажәлар алашарахь ркылгара нбанҵакыла акәхарын ишеилыркаауаз, шаҟа абнақәа
ықәрхуаз, уимоу, хәшәык иаҩызоу, асыӡбал ссир злырхуа
акаҵахәрагьы налаҵаны, шаҟа иҵҳәаны икарыжьуаз, убасҟак
рыуаажәлар алахтырахь икылыргоны ирбозар акәхарын. Уи
ҳара иҳаздыруам, иаадыруа убри ауп, ауаҩы шаҟа ихдырра
ҳараку, шаҟа иҩнуҵҟатәи икультура беиоу, убасҟак, дзыхшаз иан лхаҭа леиԥшҵәҟьа, ҳаҭыр ақәиҵоит, дахӡыӡаауеит
аԥсабара, ашәаԥыџьаԥ.
Ҳарзыхынҳәып еиҭах амҩан ҳалаԥш иҵашәақәо. Ани,
асанитартә бнаԥҟара абна ахаҭа иазеиӷьуп ҳәа агәра сзыргоз амаҵурауаҩ иеиԥш, раҟагьы дара ртәала еилыркааит
абнаԥҟара иазкыз ақәҵара. Зықәра дуу, ма ичмазаҩу аҵлақәа
ааныжьны, абзиа-абзиақәа ԥҟатәуп ҳәа рарҳәазшәоуп урҭ
араҟа ашәҵлақәа, амзақәа, аԥсақәа еилараа ишкарыжьуа.
Иԥырҟо аҵкыс аԥырхага ҟалоит, иԥырҟаз анкаҳауеи, атрактор иацраҳәаны ианыргауеи. Аҵла ҟатақәа уаҳа изымгылахуа
иаақәнахуеит.
Ҳара иаҳҳәом ҟаҵашьа змам. Убарҭ раԥхьа игылоуп араҟа инхо аиха аанышәымкылан, ҵлак ԥышәымҟан ҳәа
раҳәара. Уимоу, сара сақәиҭызар, абас иџьбароу аԥсабараҿ
инхауа азин рысҭон рыҽзладырԥхаша, рхазы аҩны дыргылозар, амаҭәахә иазхаша уҳәа хәыда-ԥсада аԥҟара. Аха
дыхнарҵәо аҟынӡа аштраф иқәысҵон абна ԥҟаны изҭиуа.
Абна иланхо ихазы абна дақәиҭзароуп, адгьыл иқәаарыхуа
иара ихатәны имазарц шахәҭоу еиԥш. Сгәанала, ақыҭауаа
адгьыл ргәы ахьахшәаз, аҿар ахьықәҵуа зхарақәоу раԥхьа
игылоуп, адгьыл анхаҩы ихатәны иахьыҟам. Хәыҷы-хәыҷла
адгьыл днаԥырҵуа мацара, уажә ҳахьыҟоу ҳаакылсит.
Сакьан ақыҭан ҳаннеи, ари аҩыза амҩаҿ сара уаҳа
аныҟәара сылшом аҳәазшәа, иаангылеит ҳмашьына хәыҷ.
Ҳҿыҩаҳхеит анцәа иаҳзишаз ҳныҟәагақәа рыла.
Ҳрацәажәо ҳнеиуеит амҩан иҳақәшәаз ашәанцәа ҩыџьа.
Руаӡәк иқәрахь днеихьеит, егьи шықәса ҩажәаҟа ихыҵуеит.
– Шаҟа ҭӡы ҟаларызеи Сакьан инхауа? – ҳнаразҵааит.
– Жәохә–ҩажәа шықәса уажәаԥхьа 70–80 ҭӡы ҳаҟан,
уажәы 40 рҟынӡа иааихьеит. Иҭацә-ҭацәӡа игылоуп аҩнқәа, –
ҿааиҭит абырг, – ақалақьи ҳареи еимаҳкуеит аҿар. Дара шәааи,
шәҭаҳаҩуеит, аусурҭақәа шәаҳҭоит, шәааԥшыр, ауадақәагьы
шәоуеит рҳәоит, ҳара шәаангыл, шәабацәа рҩнқәа кашәмыжьын
ҳҳәоит.
– Ирыхьӡузеи абарҭ ашьхақәа?
– Аҳарҩа, Омаришара, Аҿаԥара, – реиқәԥхьаӡара даҿуп
ашәануа бырг.
– Ҳгәы иахәеит ажәытә аԥсуа хьыӡқәа еиқәырханы
иахьшәымоу, – ҳҳәеит.
– Аԥсуаа иахьӡырҵазар ҟалап, аха урҭ араҟа инхаӡомызт,
– иҳәеит, ақәыԥш. – Лаҭа, Ажара, Дал, Ҵабал, Қәабчара уҳәа
еснагь инхоз ҳара ҳакәын.
– Уара ухы еиларгазаап ашкол аҿы, – инаимаикит абырг,
– ҳара наҟынтә ҳааит, аԥсуаа амҳаџьырра ианага ашьҭахь.
Уахьынхо аӡәыр уахибаауама, унхоз, аха уаанӡа инхоз рыхьӡ
уҳәар акыр иуԥырхагоума?!
– Ихароузеи, идырҵазоуп иидыруа, – сҳәеит.
Амҩа ҳахьықәыз, сназхәыцит даҽакгьы. Акьыԥхь аҿы
иуԥыло иалагеит, уажәааигәа, иҟыԥсцәа пылтыҟсаӡа, изхара иҿазҵаз имаҵ ахьиурада хьаа змамыз академикгьы
телехәаԥшрала иқәгылараҿгьы иҳәеит абри еиԥш ахшыҩҵак.
Адгьыл џьынџьла изтәу, ҭоурыхла аԥшәымас иамаз атәы аҳәара
иахәҭам, ииашам ҳәа. Сгәанала, абраҟа ахы ыҵнахуеит апатриотизм ауаҩы игәаҿы ашьра. Сабацәа рџьынџь абраҟоуп ҳәа
аҳәара даҟәухыр, аборигенс уара џьаргьы уамаӡам ҳәа агәра
иургар, аокеан нырцәҟагьы нхара дзымцарызеи. Ҳаиҩызара,
ҳаешьара иаԥырхагоума, Аԥсны аборигенцәас иамоу аԥсуаа
роуп, урҭ зҭоурых дуӡӡоу ажәларқәа иреиуоуп ҳәа иоуҳәар? Уи
аԥсуаа иаҳагьы пату рықәиҵо даламгаӡои? Жәынгьы ҿангьы
зегьы еицышәтәын, аборигенцәаҳәагьы аӡәгьы дыҟам ҳәа
ануҳәалак, великодержавныи шовинизм, мамзаргьы анационализм амҩа аауртит ҳәоуп иаанаго. Арҭ зегьы даҽа зҵаароуп,
аха амҩа уахьықәу уззымхәыцра иҟоузеи. Ҳнеит Нарзан ҳәа
иахьашьҭоу Сакьан ақыҭа аханӡа. Ҳабла иаахгылеит қалақь
хәыҷык. Зықә ҳаракны иҟаҵоу аҟәарч ҩнқәа, ақәахьқәа,
ақьалақәа, аҭыԥ ҿҟьарақәа… Ҳара ҳаннеи аԥхынра ниасуан,
зыԥсы зшьоз рахьтә жәа проценткгьы ыҟамызт, агаҿаҟа илбаахьан.Аха аилкаара мариан ауаа рацәа рыԥсы шыршьоз. Иҟоузеи,
абасҟак ауаа зеизауазеи абраҟа? Наукала ишьақәырӷәӷәоу акгьы злаҳзеилымкааз ала, ауаа рыҿцәажәарала еилаҳкааз ҳхы
иаҳархәароуп. Араҟа иҵыҵуеит аҩнуҵҟатәи ачымазарақәа
рацәаны
изхәышәтәуа
аӡҵәыҵәы,
Кәыдры
аӡиас
ахықәаныҵәҟьа, аҳаԥшьа ахы ахырҟазшәа ҵла гәаҩак хҵәаны
иҭагылоуп. Ҵаҟа аԥслымӡ иаалҵны, убраҟа иҭалоит ахьаақәа
рацәаны иахәышәтәуеит ҳәа ззырҳәо аӡҵәыҵәы. «Сара схәыҷы
астма (ашьырхынҵ) ихьуан. Иԥсы ихәлахон. Аӡәы исеиҳәеит
абрахь дааугар дыбзиахоит ҳәа. Убас егьыҟасҵеит. Араҟа
аҩны еихасақәа ргыланы ирымоуп ақыҭауаа. Урацәажәар,
аамҭала иурҭоит. Убра сааны сыҩналон. Ашьҭахь схатәы қьала
сыргылеит. Акыр шықәса ҵуеит саауеижьҭеи. Схәыҷы ахаан
акы имыхьцшәа дыбзиахеит. Сҭаацәа зегьы ирзеиӷьхеит», –
иҳәеит Ашәбак. «Акыр шықәса сыца сыхьуан. Акрысзыфомызт.
Иԥысымҟар ада ԥсыхәа сымамкәа аҟынӡа снеихьан. Иаасфоз
сыҿнахуан. Аӡәы исеиҳәеит абри аӡҵәыҵәы ужәыр иухәоит
ҳәа. Абрахь аара салагеит. Иахьа ахаҳә суҭар исфо сыбзиаханы
сыҟоуп», – иҳәеит Аҳәбак. Иҵуазеишь ари аӡы ыҵыҵуеижьҭеи,
ауаа ирдыруеижьҭеи ҳәа сзызҵааз Ахсалбак: «Сара сахьиз
Қәабчароуп. Лаҭа азааигәара. Саныхәыҷызгьы абрахь сааргахьан. Бырг бзиак исеиҳәахьеит иара иакәымкәа, иабду ихаангьы уалыр хҵәахаҵас аӡҵәыҵәы абыржәы иҭагылоу убасҟангьы
иҭагылан ҳәа. Сгәанала, аԥсуаа амҳаџьырра иқәнагаанӡа
ирчаԥахьаз акоуп. Иџьоушьаша, аҵла ахаҭа ахьымбаауоуп.
Араш иалхуп. Иаҳа шыннаҵуаз рдырны иҭарҵама, машәырны
иақәшәама, мамзаргьы аӡы ахаҭа иамырбаауама здыруада.
Издыруа убри ауп, аԥхын ашыкьымҭаз, ааигәара узымнеиуа
ирацәоуп ауаа. Аԥаҭлыкақәа рхы ачаԥагақәа ааганы, ари аӡы
нҭаҭәаны аҩныҟа иргоит».
Уазымхәыцыр ауам акы. Аԥсны
ԥсшьарҭа ҭыԥуп.
Қырҭтәыла, Урыстәыла, Украина, Нхыҵ-Кавказ уҳәа акыр
ареспубликақәа араҟа ирызгылоуп аԥсшьарҭа ҩнқәа,
асанаториақәа. Аԥсны ахаҭа иатәны џьаракыр иҟоума,
џьаракыр иамоума аԥсшьарҭа ҩны, асанаториа? Ҳавтономтә
республика иқәынхо аџьажәлар, ма ԥсшьара, ма ҽыхәшәтәра
рҭахымкәа ишԥаҟалеи?
Ҳхынҳәып Сакьан аханы иҟоу Аҿаԥара ашьха амҵан
ишьҭоу, ауаа рхала, мчыла курортс иҟарҵаз аҭыԥ ашҟа. Акыр
жәашықәса раахыс, шә-ҩыла акәымкәа, зықьҩыла ԥсшьарҭас
иахьаауа, иахьа уажәгьы еиҳабырак зазхьамԥшыцзеи?
Иҟалоит, ииашаҵәҟьаны уи аӡы чымазарақәак ахәшәтәуазар,
аха иалшоит изԥырхагоу ыҟазаргьы. Убасҟак иуадаҩума
аӡы ааҭганы, лабораториа бзиак аҿы анализ ааҟаҵаны,
иззыхәшәу абарҭ ахьаақәа роуп ҳәа ҭанақьык инанҵаны аргылара.
Ҳагәҭыха хада зынамӡеит. Асоура ианалага, ҳзымцеит
Кәыдры ахьыҵыҵуаз абара. Ҳхынҳәны ҳҿааҳхеит.
Ҳанҵамҭақәак ҳрылгап ҳлаф-ҵәалаҵарала иаанагақәо
аԥхьаҩ инаиаҳәаны. Сталин иулица ианыршәланы ҳнеиуан
ҳәа ззаҳҳәоз аулица ыҟоуп ҳәашьа узамҭо идырхәанчаз
Мархьул ақыҭан. Усеиԥш ақыҭа шәмаҳаӡаци? Уи Мархьаул ауп. Мачара ҳәа ҳазҿыз аӡиас иахьӡыҵәҟьоу Маҷароуп.
Шәхынҳәны шәшаауа, Кәдри зыхьӡырҵаз ӡиаск ацҳа
шәнықсуеит, уи Кәыдры ауп. Амшын агаҿа иаваршәны игоу
амҩаду шәанаангыло шәнаԥшны Гәлрыԥшь араион анапхгара
аҩнқәа жәбауа шәаннеилак, ҩырак шәылаԥш нақәшәоит, аха
Кузма Прутков иҳәашьа, шәыбла иабо агәра шәымган, мамзар
шәҟьалоит. Уаҟа иаҳәоит, армарахь шәцар Қарҭ шәышнанаго,
арӷьарахь – еиҭах – Акәа. Шәара шәца шәхаҭа иахьыжәдыруа,
ма Қарҭҟа, мамзаргьы Аҟәаҟа. Шәхала ишәзымдыруазар,
амҩаду ахьӡгьы шәарҩашьоит, уи амҩаду аҿы шәара ижәбоит,
ацивилизациа ахьнеихьоу џьара тәылак аҿы ишәымбауа шоссек ахьӡ. Уи Аҟәа ақалақь аҿы иҩалагоит, ақалақь иҩалсны,
Аҟәа араион иҩалалоит, уигьы иҩалсны, Гәлрыԥшь араион
иҩалалоит, уи ахы инаркны аҵыхәанӡа иҩалсны, Очамчыра
араион иҩалалоит хьӡы заҵәык ахьӡны – Қарҭтәи ашоссе.
Мҩамш шәықәлааит!
«Аԥсны ҟаԥшь», 1988

УАҴӘТӘИ АМШ АЗЫ
Уаҵәтәи амш иахьа ишалаго еиԥш, уаҵәы хәы змам
ҭоурыхтә документс иԥхьаӡахо, иахьа иҩны ишьҭыхтәуп, иахьа еиқәырхатәуп. Уаҩы ишимбац иласны аҽеиҭанакуеит,
аԥштәхәы аԥсахуеит ҳаамҭа. Абиԥарак ахаанхеит ауаатәыҩса
рҭоурых аҿы иҟамлацыз ахҭысқәа акымкәа, ҩбамкәа…
Аимпериалисттә еибашьра, Февральтәии Октиабртәии
ареволиуциақәа, аешьеи аешьеи аҳәаҭыхла еиҿазыргылаз
аграждантә еибашьра, коллективла аицынхара аҽазышәара,
ажәлар рынасыԥ иазықәԥоз «ажәлар ираӷацәоуп» ҳәа
џьоукы кыдҵаны рышьра, џьоукы рҭакра, аибашьрақәа зегьы раҵкыс ишьаарҵәыраз Аџьынџьтәылатә еибашьра, аӡәы
дналкааны акәымкәа, ажәлар шеибгоу рахцара, ҩажәижәаба
шықәса «ныхачаԥас» ирыԥхьаӡоз ахаҿсахьа ахыбгалара… «Уцәа-ужьы ианыло ахәра ахгара иаҳа имариоуп, дад,
угәаҵа еиҟәшьшьаны ианыло ахәра аасҭа. Убри аҟнытә
агәра згар сҭахым уи изыҳәан ирҳәауа. Уи сара игәра згон,
бзиа дызбон гәыкала, иныҳәаҿа зжәуан», –иҳәеит акырнтә
азалымдарақәа ирықәшәахьаз, зыԥсҭазара мыҟәмабараз
быргк. Уи ҳәа дызҿыз Сталин иакәын. Иеилкаара ҳуалуп ус
зҳәогьы. Аха аиаша мыжда, уара иудукылома, иудумкылома ҳәа иҵааӡом, ашықәс аикәшара ааԥын шаанаго еиԥш,
ахшыҩ лыԥшаахқәа инарҭало, ажәлар намҽханакуеит. Иавахаз ихы ахьигӡааит аамҭа. Абарҭ ахҭыс дуӡӡақәа, ишкәакәаз
хҭысума, еиқәаҵәазма, аҩи аӡи еилаҭәазма, изеиԥшразаалак,
ақьаад ианҵаны ишьҭыхтәуп. Иҳацәцахьоу шырацәоугьы,
разҟыла, макьанала ҳархаануп «зыԥсы ҭоу адокументқәа».
Еиқәырхатәуп урҭ ргәалашәарақәа, ранҵамҭақәа, рысалам
шәыҟәқәа, шаҳаҭра зуша адокументқәа. Абас ишьақәгылоит
аҭоурых, аԥашәқәа ӷәӷәахоит акультура зегьы. Зыԥсы ҭоу
ихьымӡӷны иҳадӡами акгьы зхараӡамыз, иреиӷьыз аҵеицәа,
ажәлар рынасыԥ иазықәԥоз «ажәлар ираӷацәоуп» ҳәа
иԥхьаӡаны шаҟаҩ ҭаркыз, шаҟаҩы ршьыз иахьа уажәгьы
рхыԥхьаӡара ахьаҳзымдыруа? Агазеҭ аҿы дықәгылеит аџьеи
аибашьреи рветеран Ҳақы Ладариа. Уи ажәалагала ҟаиҵеит
«ажәлар раӷацәа» ахьдырҳәацәоз, иахьыҩнаршьуаз, иахьа уажәгьы зыҭӡамцқәа ашьа ркыдтаталоу гагратәи ахыбра музеины иҟаҵазарц. Ари даараӡа изыдгылатәу, зҟаҵара
иахьаҵәҟьа напы арктәу усуп, ари – ҭоурыхла ахәыцроуп,
ԥхьаҟа ҳәа анаԥшроуп, уаҵәтәи амш еиӷьхарц азықәԥароуп.
Абасшәақәа иҟаз хәыцрақәак, гәалашәарақәак срылан
абри, зҳәамҭақәа анысҵаз ауаҩ лацәажәараз амҩа санықәлоз.
Лыӡбахә акырынтә исаҳахьан. Илхылгахьоу дзыниахьоу ҳәа исаҳақәахьаз рыла, схаҿы ишьақәгылахьан
хаҿсахьак: ихьҭашьыз ауаҩ иҽышҭаиҳәҳәо еиԥш, абасҟак,
инбанҵакылагьы ажәеиҭарслагьы иуҳәозар, ахьҭа бааԥс
зысхьоу, хымԥада, гәаартыла уаҩы диацәажәом, иҟалоит
ауаа рыгәрагара лцәыӡны, ргәаӷ лкхьазаргьы. Аха ҳара
иаҳаӡбуеи аԥсҭазара ахаҭеи шеиқәымшәало еиԥш, араҟагьы
сгәаанагареи сыблала избази еицәыхаран. Саԥхьа дтәан
ақьиара зҿықәыҳәҳәа ицоз, аҭашәарахь акәымкәа, ашьхақәа
рывҵразы ашәахәақәа зышьҭуа амра еиԥш, зыҩнуҵҟатәи
лашарак, қьиарак ԥхаӡа иаауаз аԥҳәыс бырг. Ҳаицәажәара
ашьҭахь мҳәашьа сымамызт, лыԥсы еиқәзырхазгьы убри ауп,
апалач дихәаԥшыргьы, маҷӡак иадамхаргьы, бзиарак идылбалон.
Лгәеилгара, лгәынкылара, ашықәсқәа рымацара ракәым,
иарбан мзаз, иарбан мшыз, ауаа рыхьӡқәа, ирыԥша-сахьаз
ирцәажәашьаз, дызлаԥшыз, илхылгаз…
Абраҟа иҿахысҵәап сара сцәажәара. Дцәажәалааит лара
лхаҭа. Ицәажәалааит дара, аҭоурыхтә шаҳаҭцәа рхаҭақәа.
Сара исылшоны, исуалны избаз акы заҵәыкоуп – азҵаарақәа
рықәыргылара, аҭакқәа еицамкыкәа ақьаад ранҵара.
– Вера Андреи-иԥҳа, исҭахын зны инасыԥ лашараз,
ҽазны џьаҳаным иаҩызаз шәыԥсҭазаратә мҩа шәанысны
шәҿаашәхар… Аханатә…
– Саб дызусҭаз аҟнытә салагар? Уи инаидкыланы
иаласҳәап. Аҟәа адендропарк, Аботаникатә баҳча, Аҟәа ашьха
баҳчаитәырц иаҿыз уҳәа рыхьӡқәа анеиқәыԥхьаӡо, џьаргьы
ирҳәо смаҳаӡац Апионерцәа рпарк, уажәы Кәрченко лыхьӡ зху
зтәқәаз, уи еиҭазҳаз, изааӡаз рыӡбахә. Уи апарк уахьынҭало
уармарахь итәын Шаншиев; уарӷьарахь – Толстои. Ааи, Лев
Толстои ихаҭа иҷкәын. Убри иҟны баҳчааӡаҩыс аус иуан
саб, Андреи Пиотр-иԥа Сигәуа. Ҳаихылҵит ҩыџьа аӡӷабцәа.
Саҳәшьа Лидеи сареи. Лида лхаҵа Амашукели ижәлан,
арратә ԥырҩын. Аҳаирплан каимыжьзар, аӡәы дҭаимырхазар,
аԥырҩгьы ажәлар дызлараӷахозеи, аха усҟан ауаҩы харас
идуԥхьаӡалалак ауан, ажәлар драӷоуп ҳәа дҭаркит, дыршьит.
Сара схаҵеи сареи ахшара даҳмоуцызт. Иҟалап, уи иаҳагьы
еиӷьзаргьы. Илахьынҵахоз еилкаан. Аҭоурых аҿы иҟалахьоу
зхацәа бзиахәха извагылаз аҳәса ахшара дахьҳамамыз иаҳа
еиӷьын ҳәа рҳәауа? Убас зҳәауаз аҳәса зықьҩыла исыцҭакын.
Убасҟан Сталин «Жить стало лучше, жить стало веселей» –ҳәа
алозунгқәа кыдиҵон. Лида илхылҵыз лоуп, аа, акаҳуа ршны
иузаазгаз, аԥсуа скульптор Иура Ҷкадуа иԥшәма. Ари аҭыԥҳау?
Уи дара рыԥҳа, еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа иҭаца
лоуп. Иумбари, адунеи агьаргьалас иаҩызоуп. Сара саб Толстои иԥа иҿы аус иуан. Саҳәшьа лыла смаҭа Дырмит Гәлиа
иҩнаҭа дыҩнагылоуп. Уара узсазҵааз… Нестор Лакобеи Сталини реизыҟазаашьа. Аха зны иуасҳәап уи злаздыруа. Сара
сыԥшәма Михаил Антон-иԥа Џьергениа иакәын. Арра амаҵ
азиуан. Чынла дподполковникын. Аԥсны арратә комиссарс
дыҟан. Аҵара дуқәа дрылгеит Қарҭи Ленингради. Миша диман еишьа заҵәык – еицырдыруа аԥсуа дирижиор, раԥхьатәи
аԥсуа скрипкарҳәаҩы Лев Џьергениа иаб, Гришьа. Аха Миша
иман хә-ҩык аеҳәшьцәа. Убарҭ руаӡәк, Шьахәсна зыхьӡыз
длыхшеит… Нестор Лакоба. Абасала, Нестор иан лашьа
гәакьа сара сыԥшәма иакәын. Аԥсыуала, ишудыруа, ан лашьа
идуӡӡаны пату иқәуп. Адунеи азна пату иқәиҵон Несторгьы
ианшьа. Ҵаны, аншьа иаҵкыс қәрала аеҳәшьаԥа деиҳабын.
Аиуара аамышьҭахьгьы урҭ еидызкылоз рацәан. Нестор иеиԥш
Мишагьы «Кьараз» далан. Аменшевикцәа рықәԥаразы Аҟәа
инаркны Қәҭешьынӡа днеит. Ҟәбантәи абандақәа рықәхра
далахәын. Ажәакала, Нестор иарӷьажәҩақәа дыруаӡәкын.
Рдунеихәаԥшышьа еизааигәан. Аҩыџьагьы аҵара бзиақәа рыман. Еицныҟәон, еизҵаауан. Аҟәа иҟоума, ақыҭаҿоума руаӡәк
дыҟамкәа егьи иреиҵоу сасыкгьы дидикыломызт. Иахьысҳәо
ԥшӡам, схаҵа иоуп, аха Миша ауаа рҿы ихымҩаԥгашьа идыруан. Ус дыҟамызҭгьы ҳара ҳзеибадыруамызт. Ҳахьеибадырызу?
Аҟәа иҟан Џьамтәыла ахәаахәҭра ахаҭарнакра. Убарҭ
адкылара рыман, асасцәа дахьқәа нарыԥхьон. Убраҟа
ҳаибадырит. Ҳазыхынҳәып узҵаара. Мап, уи уҳәан-сҳәаным.
Ииашаҵәҟьаны Сталин даараӡа пату иқәиҵон Лакоба. Урҭ
реицәажәара, реицныҟәара, ҩнаҭала реиҭанеиааира зыблала
избахьз рахьтә руаӡәк, машәыршәа деиқәхан, џьаҳанымынтә
дхынҳәны дааны уаԥхьа дтәоуп. Лыхны ақыҭан Сталини Нестори еидтәаланы акранеицырфоз, сара, иқәԥшӡаз аҭаца, сырхагыланы, изныкымкәа аҩы снаҳахьан. Уажәааигәа аӡәаӡәала
исгәаласыршәон убасҟан астол ирыцахатәақәаз. Аӡәы, аӡәы
заҵәыкгьы иаџьал ааны, ихы нықәҵаны дымԥсит. Абахҭақәа,
алагерқәа, аҟарсқәа, ишдырҳәацәоз иршьыз… Сыблала избахьан Сталин уахынла Нестор иҟны ԥхьара даангылауа. Несторгьы Москва даннеилак Сталин иҩныҟа неирҭас иман. Уи
бзиа ибон Нестор иԥшәма Сариа иҟалҵоз афатә, еиҳараӡак
акаҵахәыр сыҵбал. Быфатә сеилаҳаит Сариа ҳәа ателефон
дасуан.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2114
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2172
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3334
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2343
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2249
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2187
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2176
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2177
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3377
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2162
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2211
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2207
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2271
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3296
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3311
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2202
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2296
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3408
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3367
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2221
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2156
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2054
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2216
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3333
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2174
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3272
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2076
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3349
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 22
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20