Latin

Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23

Süzlärneñ gomumi sanı 3375
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2296
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
шәыҟәқәа. Абарҭқәа рзыҳәаноуп еицырдыруа акритик В. Стасов изиҳәаз «Крамской – есть первый, высший наш художественный критик» ҳәа. Егьиашаҵәҟьаны, аҟазара азыҳәан
уи игәаанагарақәа, ихшыҩҵакқәа, итеориатә лкаақәа акы
иаԥсаны иҟоуп иахьагьы.
«Аԥсны аҟазара», № 4, 1987

АБЖЬАГАҨ
Сара иахьа абарҭ икьаҿу санҵамҭақәа рҿы сызлацәажәарц
исҭаху, аԥхьаҩцәа даараӡа ибзианы ирдыруа акәӡам, даҽакуп,
абри ауаҩ ибиографиа аҟнытә еиҳамзар, еиҵам факт хадак атәы – акалам зку, ивагылоу иеиҵбацәа рахь иааирԥшуа
ахшыҩзцара, абык иаҳасабала ахылаԥшреи ацхыраареи
ириҭо сырзааҭгылар сҭахуп.
Аӡәгьы игәы иалымсааит, аха ахатәрақәа рҟынтә, сара
аӡәгьы дсыздыруам Баграт Шьынқәба иаҟара иҭыршәшәааны,
икарандашь инапаҿы икны, баша аԥхьара акәымкәа, аҿарацәа
ирыҩуаз зегьы ирызҿлымҳаз.
Сара еиҭасҳәар сылшоит, ашкол санҭаз, раԥхьаӡакәны,
имшәыцыз сажәеинраалақәа сыманы Баграт Уасил-иԥа иахь
сышнеиз, раԥхьатәи сроман данаԥхьа ашьҭахь, акраамҭатәи
ҳаицәажәара атәы… Шаҟа имариамыз ароман асиужети,
абызшәеи, афырхацәа рҟазшьақәа раарԥшреи рзы ииҳәоз аиаша адкылара. Уи иабжьагарақәа сыдыскылозу исыдсымкылозу акәӡам ихадоу, сара исаҳауан, избон сышәҟәы «рӷӷаны»,
ацәаҳәаҵшь иарганы иаԥхьа ишықәыз.
Сара исылшоит еиҭасҳәарц ахәыҷқәа ирызкыз алакәқәа
рзы исиҭаз абжьагарақәа ртәы, иалкааны урҭ изааигәан, избанзар жәлар рҳәамҭақәа рҟынтә иааган, иара иаҟарагьы урҭ
здыруадаз.
Иарбан милаҭзаалак ирымоуп аҩымҭақәа, иаҳа иналкааны иахьааԥшуа рсахьаркыратә дунеихәаԥшра, ретика, рфилософиа, рҭоурых-доуҳатә ԥышәа. Аԥсуа жәлар рзыҳәан асеиԥш
иҟоуп Нарҭаа репос. Зны схаҿы иааит игәаӷьуацәаз хәыцрак – сҽазысшәарц абри аепос сиужет схы иархәаны изҩырц
сахьаркыратә ҩымҭак, апрозеи адраматургиеи ржанр ала.
Салагом аиҭаҳәара, аепос аиҭаҳәаратә цәаҩа ҷыда сыдыскыларц, аритмии амелодиеи ҩныҵҟалатәи лымҳагәыла
искырц заҟа даҟьа ҿырҳәала исҵаз, шықәсыла сышгәаҟуаз
аҩымҭа аформа аԥшааразы. Абар, изулак, иҩуп аҵыхәтәантәи
авариант. Сзыҳәарыда иаԥхьарц? Исыӡбоит – аепос зегь реиҳа
ибзианы издыруа Баграт Шьынқәба. Баграт Уасил-иԥа усҟан
иҳаракыз аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аус иуан, убри аҟнытә,
ирласны дзаԥхьап ҳәа агәыӷра сымамызт. Аха мышқәак
рышьҭахь, дсыԥхьеит. Анапылаҩыраҿы иҟамызт даҟьак
ариашарақәеи абжьагарақәеи ахьанымыз. Иаахтны исҳәозар,
сымҵәыжәҩақәа сдырԥыруа сдәылымҵит иара иҟынтәи:
ихадоу алкаа – акьыԥхьра заацәоуп. Аҵыхәтәан, аус ӷәӷәа
адуланы, исгәаӷьит ажурнал аҟны акьыԥхьра.Ус схәыцуан,
ҩ-вариантк ирыԥхьахьоу Баграт Уасил-иԥа ахынтәраан
дамыԥхьозар акәхап ҳәа. Сгәы сажьеит. Иҿыцу азгәаҭақәа,
иҿыцу абжьагарақәа. Сара даҽазнык аусура напы асыркит.
Хшыҩзышьҭра азҭаз аԥхьаҩ имбар залшом, ажурнал аҟны
ианыркьыԥхь ашьҭахьгьы, адрама ишалагалаз аԥсахрақәа.
Сҩымҭақәа акы иреиԥшымхеит адрама «Ес-ииуа ирыциуа» азы аԥхьаҩцәа иаарышьҭуаз рысалам шәҟәқәеи
ргәаанагарақәеи рхыԥхьаӡара. Уи аҟны хәы змам ацхыраара
сиҭеит, аԥхьаҩцәа зегь раҵкыс аинтерес змаз, ашәҟәыҩҩцәа
қәыԥшцәа рабжьагаҩ – Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба.
Маи, 1987

ХӘЫ ЗМАМ АҲАМҬА
Зыԥсы ҭоу рымацара ракәым, зыԥсҭазаара иалҵхьоугьы
рыхьӡ-рыԥша абырҵкал икылнахуеит аамҭа. Зритм мыцхәы
иласу, иццакуа ҳара ҳаамҭазы ари апроцесс иаҳагьы
лабҿаба иубоит. Амра каԥхара иадкылауа, зыхьӡ нцәартәуаз,
уаҵаԥшыр ухылԥа ухшәартә, збаҟақәа уахьынаҵыслак игылаз,
уаҩы қәрак иалагӡаны, изакәЫҵәҟьаз убас иааԥшит, рыхьӡ
аԥсцәаҳа идыркылауа, рбаҟақәагьы жьымдырҵас изықәгылаз
адгьыл инықәба ицеит. Аха егьа аамҭа аҽеиҭанакыргьы, ауаҩы
ихәыцра аҽыԥсахны, даҽа блак ала даныԥшыларгьы дызнысыз амҩа, еицакра амоуа изынхақәо иреиуоуп Аԥсадгьыл аб329

зиабара, уи ахьчаразы ахамеигӡара, адоуҳатә мал еихазҳауаз
рыхьӡ акамыршәра. Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ипатриотизм
аарԥшра азыҳәан уи аҵкыс еиҳау ршаҳаҭга шыҟам еиԥш,
еиҵагыло абиԥара насыԥла, абџьаршьҭыхрала Аԥсадгьыл ахьчара зқәымшәаз рпатриотизм ааԥшуеит убарҭ, Аԥсадгьыл зхы
ақәызҵаз рыхьӡ-рыԥша агәаларшәара ишазыҟоу ала. Аҵакы
ҩбахоит уи, аибашьра адәаҿы инхаз, уахь днеиаанӡагьы
ихьӡ амырӡра даԥсахартә илиршахьаз ыҟазҭгьы. Абасеиԥш
ахәыцрақәа узааиуеит зфото ажурнал ианаҳҵо Леуарса
Кәыҵниа искульптуратә патреҭ уанахәаԥшлак. Ҳәарада, уи
абаҟа даԥсан поетк иаҳасабала, аха абаҟа даԥсахеит ҩынтәгьы
– ихы ақәиҵеит Аԥсадгьыл. Абас ишыҟазгьы, изыхҟьазаалак,
Леуарса Кәыҵниа изкны иахьа уажәраанӡа џьаргьы баҟа гыламызт. Уи агха дара рхарџь ала идыриашеит апоет-апатриот
ихьӡ зху Аҭара ашкол аҵаҩцәа гәыԥҩык: иалгеижьҭеи ҩажәа
шықәса аҵра азгәарҭарц рышкол гәакьахь ианнеиуаз, ҳамҭас
иазнаргеит абри аскульптуратә патреҭ. Абаҟа (аскульптор Г.
Гемуа) ахаҭа азыҳәан аҟазараҭҵааҩ иҳәар ауеит ҟазаратә
рҿиамҭак аҳасабала иагқәоу, аха араҟа реиҳа ихадоу даҽакуп.
Урҭ иҟарҵаз иаанарԥшит апоет иԥсы ахьынӡаҭаз иԥсҭазаара
зызкыз – аԥсуа шәҟәы, аԥсуа жәа ашҟа абзиабара ду шрымоу,
иаадырԥшит ршьа-рда ишалоу апатриотизм иашаҵәҟьа.
«Аԥсны аҟазара», № 6, 1987

АШӘА – АԤСЕИҚӘЫРХАГА
Ишәагаа уамак идуцәам. Маҷк иҽаархәашәоуп ды­
шныҟәо. Иблақәа лахҿыхӡа, ихы-иҿы ихаччо, уацәажәара
даналагалак, ихыҵуа ашықәсқәа иаҳа-иаҳа ирыгхо ихигахьоу агәаҟрақәагьы иаҳа-иаҳа иласхо иалагоит. Мышкы
ахала-аҵыхәала дубар ҟалоит акырџьара. Маӡаныҟәгаҩыс
дахьыҟоу апарторганизациа акомиссиа аилатәараҿы, аком­
ҿар аветеранцәа реиқәшәараҿы (убри асекциагьы иара иоуп
еиҳабу). Ихигахьоу угәалашәар, убасҟак ихьанҭоуп, дарбану
ашьҭыхра зылшаша. Арахь иара тәамҩахә имам. Инапы иану
еилырфаҷа инаигӡароуп. Ибзиарак налаиҵароуп ииасны ицо
амш. Абарҭқәа сышрызхәыцуаз, ахшыҩеилкаарак сазкылсит.
Сталинизм цәқәырԥа хәашьха атәыла анамҽханакыз, иа330

шоуп, ауаа ҟәыӷа дуқәа ҭахеит. Аха аҳәынҭқарра иацәыӡит
даҽакгьы. Зыԥсы ҭаз аӡәырҩы рыԥсы ахьеиқәдырхаша,
хшыҩ ссирк рхаҿы иааиргьы иахьҿырымҭыша, рыӡбахә
уаҩы иахьимаҳаша иашьҭалеит. Арҭқәа еицырдыруа усуп.
Иҟан атәыла иацәыӡыз даҽакгьы. Абзиара аҟаҵаразы амҩа
иқәҵамыз, мамзаргьы зынӡаск ихәаҽыз миллионҩыла риенергиа, рымч-рылша. Уи здумкыларызеи? Иугәаланаршәоит
аџьықәреи рыцқәа ахәламԥсаӡо, баша игьежьуа аӡлагара
алуқәа. Усеиԥш аенергиа злоу ауаҩ, иенергиа ауаажәларра
мап анацәырклак, џьоукы риенергиа амҩа иқәырҵоит рхатәы
ԥсҭазаара заҵәык амаҵ азурахьы – амал арҳара, уҭи-сыҭи
алагаҩагара, имцу, акгьы иаԥсам, ихырҵәагоу ақьабзқәа
рымаҵ азура. Даҽа џьоукы риенергиа иаахтны ацәгьара
аҟаҵара иалагоит. Араҟа зыӡбахә сымоу ауаҩ интерес зызкыз, илаз аенергиа, ирхәаҽырц иалагацыԥхьаӡа, бзиарак
ахьыҟаиҵаша дашьҭалон, ихырҩаз аԥашәқәа акаҭран ԥжәаны
ианхәыҵыҵуа еиԥш. Шаҟа ашәа имҳәартә… Имҳәартә акәым,
шаҟа ашәа азыӡырҩраҵәҟьагьы илымшо дҭагылоз, убасҟак
иаҳагьы ашәа ихаҭа иахьиҳәаша мацара акәым, ԥыҭҩыкгьы
ахьалеигалаша дашьҭалон. Ирҳәоит, акомпозитор ду Гендель иԥсҭазаара реиҳа ианыуадаҩызоуп ианиҩыз ҳәа реиҳа
илахҿыху иоперақәа. Издырхьада ауаҩытәыҩса иԥсихологиа.
Урҭқәа дрызхәыцааит аԥхьаҩ ихала. Ҳара дҳарцәажәап
уи ауаҩ… Мап, иҳарцәажәап аҭоурых адаҟьақәак. Ҳара,
разҟыла, уи ихигаз зхызымгаз, иибаз зыԥхыӡгьы иаламшәац,
ҳнаиазҵаалап, ҳаизыӡырҩлап.
– Сара сгәанала, ауаҩы раԥхьаӡа ашәа иҳәеит… Ианбыкәу
зугәахәуа? Агәырӷьара анимазу? Мап, реиҳа агәаҟра данҭа­
гыла. Иҟалап, исҳәо субиективтә гәаанагараз. Аха сара
агәырӷьара ансымаз аҵкыс, уаҳа насылымшо агәаҟраҿы
саннеилак, иаҳа исызцәырҵуан ашәаҳәара. Ажәҩанахьтә
умшәан, абааԥс, зынӡа угәы камҳан ҳәа бжьык гозшәа, реиҳа
санымгәыӷӡоз аамҭазы, инахараны мелодиак сызцәырҵуан…
– Алексеи Константин-иԥа, саҭашәымҵан. Уи ашҟа
ҳнеиаанӡа, исҭахуп шәыԥсҭазааратә мҩа, аханатә шәна­
лаганы иҳашәҳәазар. Сара издыруа акы заҵәыкоуп. Аԥсны
иналукааша апартиатә усзуҩы, Киров ахьтәы ҵыс ҳәа
ззиҳәаз, Орџьоникиӡе ҩызас ииԥхьаӡоз Владимир Ладариа
шәара шәашьа гәакьа иакәын. Шәашьа гәакьа даныршь, уи
шәихырҟьаны акәхап шәаргьы шәышҭаркыз?
– Ҳара ҳшеишьцәоу здыруа зегьы усоуп ргәы ишаанаго. Саргьы бжеиҳан иақәҿысҭӡом. Мап, сара аӡәыр сихҟьазар,
сзыхҟьаз ВЛКСМ Ацентр Комитет амаӡаныҟәгаҩ хада А. Косарев иоуп. Убри идҵала сара аус зуан Ҭаџьикисҭан. Убраҟоуп
сахьдырбаандаҩызгьы.
– Шәсырхынҳәырц сҭахуп шәыԥсҭазааратә мҩа
алагамҭахь. Шәашьа гәакьа Владимир Аҟәа диит. Шәара?
– Алагамҭа… Сара сиаанӡагьы разҟыс исыман
сааҟәымҵӡакәа амҩа ақәзаара. Иҟалап зегь зыхҟьаз саб
аррамаҵура дахьалаз акәзар. Аха уи сҳәаргьы, сабду Василигьы џьарак имтәоз уаҩын. Уи зны Ешыра дынхон, нас
Абӷархықәҟа диасит. Ишуҳәаз еиԥш, сашьа Владимир диит
Аҟәа, сара – Гал. Сан сара сыла лцәа лтәымкәа Қарҭҟа дышцоз,
илықәнакын, Гал сиит 1910 шықәсазы. Хышықәса ансхыҵуаз
иԥсҭазаара далҵит саб. Ҳан, сашьагьы саргьы ҳлыманы
Қарҭҟа дцеит. Владимир дҭалеит Кадеттәи акорпус, аха уи
алгаха имаӡеит. Ареволиуциатә ҵысра дахьалахәыз азыҳәан,
дҭырцеит. Убри ашьҭахь Гәдоуҭаҟа ҳаиасит. Араҟа ҳахьааизгьы
ҳара ҳзыҳәан ҭынчра ҟамлеит. Владимир ареволиуциатә
ҵысра ихаҭагьы далалеит, ҳаб иашьцәа рԥацәагьы рацәаҩны
иалаирхәт. Агәра ҳгон ҳаԥхьаҟа ҳаԥсҭазаара еиӷьхоит, адунеи бзиарала еиҭаҳкуеит ҳәа. Асовет мчы анышьақәгыла
ҳаздыруаз, иҳахлафны Ладариаа шәыззықәԥоз ааит ҳәа
акәын ишырҳәоз. Зны Гәдоуҭа акомҿареидгылаҿ аус иуан,
ашьҭахь, 1925 шықәсазы сашьа диаргеит Акомҿареидгыла
Аԥснытәи Аобком актәи амаӡаныҟәгаҩыс. Иара ишҟа сааигеит саргьы. Аԥсуа школ сҭеиҵеит. Класск аҿы ҳаидтәалан
Гьаргь Гәлиеи, Иван Кортуеи сареи. Абри ашколаҿоуп
иахьааԥшызгьы баҩхатәра хәыҷык шсылаз. Амузыкатә
инструментқәа рҿы ахәмаршьа сҵеит, ашкол аҟны ашәаҳәара
еиҿкааны иҳаман. Ирҳәоит, ақәыџьма ашьамхы иныҟәнагоит
ҳәа. Сара убри, ашәаҳәара бзиа иахьызбоз, сыԥсҭазаара зегьы ашәа иахьадҳәалаз, саԥхьаҟа иахьынӡасзеиӷьхаз атәы
нас иуасҳәап. 1927 шықәсазы, Серго Орџьоникиӡе иҟаиҵаз
арекомендациала, сашьа Владимир Москваҟа дрышьҭит ЦК
ВКП(б) аҟны иҟаз марксизм-ленинизм акурсқәа дырҭалеит.
Саргьы уахь сигеит. Иара иҵара далганы Аԥсныҟа апартиатә
усурахь даниарга, сара уаҟа саангылеит. Уинахыс иалагеит
схала, схатәы ԥсҭазаара. Аҵара, аусура, арратә маҵура, зны
Ленинград, нас Ахԥатәи Аахыҵ-Кавказтәи аполк, убри ашьҭахь
Москваҟа ахынҳәра, акомҿарратә усзура. Иналукааша
апартиатә усзуҩцәеи сареи ҳаибадырра, Орџьоникиӡеи сареи
ҳаицәажәара… Урҭқәа зегьы зуҭахузеи. Абас сшааиуаз, ВЛКСМ
Ацентр Комитет амаӡаныҟәгаҩ хада Саша Косарев инапаҵаҟа
аусура салагеит. О, уи дзакә уаҩыз, дзакә напхгаҩыз!..Кавказаа ҳамаҳә ҳәа сишьҭан. Иԥҳәыс дқырҭуан. Акомҿареидгылатә
дҵа сыҭаны Ҭаџьикисҭан срышьҭит. Аусура сахьалагаз? Азнык азы сшьақәдырӷәӷәеит Ҭаџьықьтәи ССР «ОСОАВИАХИМ»
Ацентртә Совет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс. Авиациатә клубқәа,
парашиутла аԥарҭақәа, акомҿартә организациа ҿыцқәа
реиҿкаара… Абарҭқәа сшырҿыз, 1935 шықәсазы Ҭаџьықьтәи
ЛКСМ Сталинобадтәи ақалақьтә комитет амаӡаныҟәгаҩыс
салырхит. Уажәы иансгәалашәо, схы исзанажьуам, аха
ҳқәԥшмыз, иҳарҳәоз акәыз џьаҳшьон, улашәызар, унапы зку
ушиццо еиԥш, иааиҳәоз агәра ҳгон, гәыкалагьы бзиа даабон
Сталин. Ишуасҳәаз еиԥш, акәашара бзиа избон, асеиԥш иҟаз
амаҵура аҟны саннанага, аусуцәа ҿарацәа ртеатр еиҿыскааит,
ашәаҳәарақәа алаҵаны, аспектакльқәа ықәҳаргылон. Агәра
ганы ҳаҟан ҳаԥсҭазаара ииашаҵәҟьаны игәырӷьа-ччароуп,
зегь реиҳа иҟәышу, зегь реиҳа иқьиоу ауаҩы ҳҳәынҭқарра дахагылоуп ҳәа.
– Киров даныршьыз шәара шәабаҟаз?
– Абжьаратәи Азиаҟа исыццоз сҩызцәақәаки сареи
апутиовкақәа наҳарҭеит ЦК ВЛКСМ Ацентр Комитет аҟны.
Амҩа ҳақәлараны ҳаҟан декабр акы азы. Убри аҽны дыршьит
Киров. Косарев ҳазегьы ҳаизигеит. Илахьеиқәҵагаз амитинг
ҟаҳҵеит. О, Сергеи Мирон-иԥа аҿар дрыман кумирс. Ибжьы
қыџьқыџьуан, илабжышқәа хаҟәҟәалон Косарев амитинг аҟны
уи иӡбахә аниҳәоз. Иабаздыруаз, иара, акомҿартә напхгаҩы
аԥхьа днаргыланы, ВЛКСМ Ацентр Комитет анапхгаҩцәа зегьы
убри аҽны аҵыхәтәан акәны ишызбауаз. Аҵыхәтәан акәны
ҳшеибабоз ҳарҭ, убраҟа иааиқәшәаз аиҳараҩ, аиҳараҩӡак.
Шықәсык ҩышықәса ҳабжьахазаргьы, инеиқәырццакны
ҳазегьы ҳҭакра иалагеит. Ажәлар раӷа ҳәа дыршьит, ишудыруа Косарев. Уара ухаҿы иузаагом аҿар ҳзыҳәан уи закә
ааха ӷәӷәаз. Ҳхы аҟара зыгәра ҳгоз, зажәа ҳара ҳзыҳәан
иԥшьаз, акоммунист партиеи асоциализми рзыҳәан иԥсы
ҭоуп ҳәа узхәаԥшуа ауаҩ, иаалырҟьаны «ажәлар драӷоуп»
ҳәа ануарҳәалак!.. Аныхаҿы сықәны иуасҳәар сылшоит: егьа
рҳәазаргьы акьыԥхь егьа иҳәҳәазаргьы, сара мышкгьы агәра
сымгеит Саша Косарев апартиеи ажәлари драӷоуп ҳәа.
–Шәцеит Ҭаџьиқьисҭанҟа, уаҟа аусура шәалагеит…
Шәҭаацәаразма?
–Аҭаацәара сахьалалазгьы уаҟа, Ҭаџьиқьисҭаноуп 1935
шықәсазы Ҭаџьықьтәи ЛКСМ Ацентр Комитет ачленс салырхит. Усҟан аус зуан акомҿареидгыла Сталинобадтәи ақалақьтә
комитет аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩыс. Хӡыргароушәа иҟаларгьы,
ҿыӷәӷәала исҳәар сылшоит ҷыдала сара еиҿыскааит ҳәа
убри ақалақь аҿы ҩ-ус бзиак. Акы, атехникцәа ҿарацәа
рыкружокқәа, аҩбатәи – аероклуб. Уаҟа иазыҟаҳҵон иқәԥшӡаз
апарашиутистцәа. Аҿар ааизаҳган, ҳнапала иҟаҳҵеит
акультуратә аԥсшьарҭатә парк ду. Аха иҟан даҽакы, сара
сыԥсҭазаара зыдҳәалаз – ашәаҳәара, атеатрқәа реиҿкаара,
раԥшьгара. Еиҿыскааит аусуцәа ҿарацәа ртеатр. Еиҿаҳкаауан
акомҿареидгылатә организациа ҿыцқәа. Абас ҳшааиуаз, сашьа Владимир изыруз усгьы иудыруеит. Сара санҭарк схы
агәра асыргахуан, сашьа иидыруа дыздыруа рацәаҩуп,
Орџьоникиӡе имацарагьы дазхоит, иаарласны абахҭа сҭигоит,
акгьы шысхарам, цәгьара шыҟасымҵаз, аӡәгьы сыгәра имгаргьы, агәра игоит ҳәа, усҟан иара ихаҭа дҭаркхьазаарын.
– Алексеи Константин-иԥа, ишԥалагеи уи ашықәс
еиқәаҵәа Ҭаџьиқьисҭан? Аԥсны ишалагаз зегьы иаадыруеит.
Бериа ихаҭа дирижиорс даман. Уаҟа?
– Уаҟа днеит Сталин илаҳәа еиқәаҵәақәа ируаӡәкыз А.
А. Андреев. Иҟәыбаса иқәиҵеит ареволиуциатә ҵысраҿы
аҭаџьықь жәлар иреиӷьыз рҵеицәа. Апартиатәи асоветтәи
напхгараҿы иҟаз аӡәы даанымхеит. Џьоукы шынҭаркыҵәҟьаз
иршьит, даҽа џьоукы ашықәс рацәақәа рықәҵаны иҭаркит,
ихырҵеит. Урҭ ианрылга, напы аларкит акомҿар. Сара
сызлацәажәо анапхгаратә усзуҩцәа рыӡбахә ауп. Егьирахь,
анаукаҿы, алитератураҿы, аҟазараҿы шаҟаҩы ршьыз, шаҟаҩы
ҭаркыз!.. Ԥхьаӡашьас, ҳәашьас уаҩы иеиҭарызеи. Иаасыдгылеит саргьы. Сҭаацәароуп, жә-мзы зхыҵуа ахәыҷы дҳамоуп,
сыԥшәма ЛКСМ Ацентр Комитет аҟны маӡаныҟәгаҩыс аус
луеит. Ҳзыхҟьаз цәгьарас иҟаҳҵаз ҳзымдырӡо, зегьы цеит
инықәба. Сахьҭакыз Сталинобадтәи абахҭа акамера заҟараз
уасҳәап. Ҩ-метра ԥшьыркцак. Убраҟа ҳҭакын ҩажәаҩык.
Џьоукы аниоз, ианыцәоз, даҽа џьоукы гылазар акәын, уаҳа
ақәиарҭа амаӡамызт. Аҳауа зеиԥшраз уара уазхәыц.
– Шәҭызҵаауаз аӡәыр ижәла шәгәалашәоума?
– Сыԥсы ахьынӡаҭоу дысхашҭуам руаӡәк, Шлихта. НКВД
аусзуҩы Шлихта. Шаҟа уиргәаҟуаз, иара изыҳәан гәырӷьаран.
Ахш дылаԥшуашәа акәын ауаҩы ишьа дшеигәырӷьоз.
– Харас ишәыдрыԥхьаӡалазеи?
– Атроцкисттә гәыԥ уалоуп иҳәеит, Ҭаџьиқьтәи ЛКСМ
Ацентр Комитет аҟны аус аазцызуаз зегьы рсиа сирбеит. Исирбеит урҭ рхазы ирҳәаз, рнапы зҵарҩыз. Ма сара схы еилагеит,
мамзаргьы сҩызцәа еилагаз џьысшьеит. Рнапала иҟарҵазшәа,
ацәгьарақәа ҳәа урҭ уаҟа еиқәырԥхьаӡоз, рнапқәа зҵаҩыз,
акомҿар усзуҩы иакәым, ҳаӷакгьы иҟаиҵахьеит ҳәа сыҟам. Имцуп, ари дара ирымҩит, знапы аҵаҩугьы дара ракәӡам анысҳәа,
икабинет аҿы акәакь сыкҿаиргылеит, зны убас сирҳәацәеит,
ҩаха ҩымш ҿаҵак сҿамҵакәа, ҿамҩак аӡы смыржәкәа, иахьсысуаз анапы сарганы, ашьа сыхьшы… Аҟарулцәа еимданы
рҽырыԥсахуан. Сара акәакь сыкҿагылан, аҭӡамц снадиаалар,
ма снеиҳәҭҟәыҟәлар, резина лабала сысра иалагон. Исҳәар
ииҭахузеи Шлихта? Атроцкисттә контрреволиуциатә гәыԥ
сшалоу ала исымҩыр, снапы аҵазымҩыр, сара усгьы сыршьуеит, аха сыԥҳәысгьы схәыҷгьы шыршьуа агәра сиргон.
Урҭ рыԥсы еиқәхарц сҭахызар сара иҟасҵақәоз ацәгьақәа
сҳәароуп. Аршәарала иаҳҳәап, иумыхәеит, усҟан иалагоит
мчыла урҳәацәара. Ашьа сыҵкьасо, еибгаз ҭыԥк сымамкәа…
Ҽнак иансыс, санкаҳа магә шьхәала сылахь дасит Шлихта
ихаҭа. Абар ашәахсҭа. Ушыҟало уасҳәап? Илаугәыдҵаны уршьыр, ахақәиҭра урҭазшәа аҟара уеигәырӷьо аҟынӡа унаргоит. Ианиҵааит ииҭаху зегьы. Иахьаауҭаху снапы аҵазыҩуеит.
Ирласны сыршьааит. Уи аҩыза анасыԥ узҭода. Шықәсык
абраҟа сыргәаҟра иаҿын. Уаҳа сус аилкаара, сус аӡбара
ҳәа акы иаламгакәа, шықәсык ашьҭахь аетап сарҭеит. Шаҟа
нызқьҩы ҭоу анцәа идырп ҳазго аешелон. Амҩа зызхымгакәа
иԥсуаз, апоезд шцо, аԥенџьыр аартны, иршәны икарыжьуан. Ачымазара, аҿажәкара, нас зынӡа ҳаақәзхӡаз аҵоуп,
аҵа. Убас аҵа ҳаркит уҩыҵра унапы ыҵушьыр, уаԥсҵәык
ааҵугон. «Жить стало лучше, жить стало веселей» иҳәон
усҟан ҳкумир. Иаарыцқьаны ҩажәижәаба мшы ааҵхьаны,
ҳдәыӷба Владивосток инеит. Уаҟа мчыбжьык ҳаҟан, нас аӷба
ҳақәдыртәеит. Ҳнеит Нагаево апорт аҿы. Ҳара ҳаиԥш уаҟа
инанагаз жәа нызқьҩыла… Ҩымш ааҵхьаны асиа иаԥхьеит
дасу шаҟа шықәса ҳақәырҵаз. Уажәшьҭа иалагеит ҳшара. Абналара акәым, ҳаурышьҭыр аныҟәара ҳалшо ҳаҟоума, арахь
акануеицәа иҳацу, ҳаҩыр ҳәа ишәаны, алақәа аҷапырхәа
рхаҵаны иркуп. Шаҟа ла. Сара сақәшәеит Адыгалах ҳәа ҳаблак.
Амҩақәа ҟаҳҵон. Ахьҭа ҩынҩажәа градус ианеиҳазгьы, жәаҩа
сааҭ рҟынӡа аус аауан, наӡаӡа еиқәшәы ишьҭаз аҵаа ԥаҳҽуан.
Аусура ҳшаҿу иара убраҵәҟьа, уаҳа рзымычҳакәа, инеиқәшәы
шаҟаҩы рыԥсы рхыҵыз ҵҩа амам. Ҳара Калыма ҳаннанага,
начальникс иҟаз Гаранин ижәлан. Уи абаандаҩцәа ахлымӡаах
иҭаргыланы иман. Изыхирҟьо чанабак анааизыԥшаа, иара
уаҵәҟьа инаргәыдҵаны ишьуан. Ашьҭахь ихаҭагьы дҭаркит. Ус
акәын ишыҟаз, иҟарҵалак иақәиҭыртәуан асадистцәа, уи моу
шаҟаҩ узшьуа шьла ҳәа идырҵон, нас иахурҟьацәеит ҳәа иаргьы дыршьуан. Иара иҭыԥан иаарышьҭыз Никишев иԥҳәысгьы
иаргьы иаҳагьы еицәан.
– Шәыԥсы злеиқәхазеи?..
– Ихауҵару, сара ашәа сеиқәнархеит. Ицәгьамкәан ашәа
сҳәон ианакәзаалак. Аха ашәа ахьысҳәоз акәым, еиҳараӡак
исыхәаз амузыкатә инструментқәа рҿы сахьыхәмаруазоуп.
Амандалина, абаиан, аԥсыԥтә инструментқәа асырҳәон. Зны
аӡәы, нас даҽаӡәы дсыдсыԥхьало, зны маӡала, хәыҷы-хәыҷла
ҳхы ӡырааго, ажәакала, еиҿыскааит аоркестр. Ҳашәақәа
зеиԥшраз уара иудырп. Уимоу, ҳхалагьы ашәақәа ҳаҩуан.
Исыԥшааит, соркестр иаласҵеит, ашьҭахь еицырдыруа иҟалаз
артистцәа дуқәа Вадим Козин, Гаи Степнои, акомпозитор
А. Пельце. Ҽнак апунктқәа шеимыздоз, сыԥшызар, алагер
агәамсам ахькажьыз аԥсыӡқәа рхқәа ԥшааны, абаҩқәа дрыцрыхоит сара саҵкысгьы иқәԥшыз арԥыск. Снаихәаԥшызар,
унаиҭәҳәар дкаҳауеит, амла дагоит, ицәеи ибаҩи еикәрша. Сара
схаҭагьы аарла сыԥсы шҭазгьы, сызхара ыфаны адәы сықәу
џьушьап ари арԥыс убасҟак сгәы дрыцҳанашьеит, имахәар
снаҵагылан, ҳпункт ашҟа дсыман сааит. Иԥынҵа укыр иԥсы
ихшәон, аха иблақәа цымцымуа мцак рхыҳәҳәылон. Иасҳәеит
аоркестр аиҿкаара сшаҿу, сиазҵааит изакәызаалак инстру336

ментк аҿы ухәмаруама ҳәа. Мап аниҳәагьы, дысмышьҭырц
сҭаххеит. Досу ҳхы ахьеиқәҳархашада хәыцырҭа аныҟамыз
аамҭазы, дызласгәаԥхаз сзымдырӡо, џьара акала дысгәаԥхан,
абри арԥыс еиқәырхара нап аласкит. Аоркестр уалатәаз,
иаурҳәошәа ҟаҵала, амандалина усыркуеит сҳәеит. Сара
исылоу акызаҵәыкоуп, ажәеинраалақәа сыҩуеит иҳәеит.
Дасырԥхьеит акы – ицәгьам, дасырԥхьеит ҽакы – ибзиоуп. Изымԥыхьашәоз џьара аӡәы, ашәақәа рылаҳхуан уи
иажәеинраалақәа. Исҳәар сылшоит убас иԥсы еиқәсырхеит
ҳәа апоет Борис Ручиов. Аибашьра иааирала ианеилга, асовет уаа зегьы реиԥш, ҳара ҳзыҳәангьы игәырӷьара дуун.
Борис Ручиов убри иазкны иҩит ажәеинраала: «Ииааиз
ажәлар» ахьӡны. Сара уи ажәеинраала ашәа алсхит. Аоркестр
аҿы иаҳҳәон. Абасала, еидыскылаз акультбригада сыманы
алагерқәа рҿы ҳақәгыло ҳалагеит. Артистцәа ашәаҳәаратә
жанр ала иқәгылон, ашьҭахь данаурыжь, СССР ашәҟәыҩҩцәа
Реидгылахь ирыдыркылаз, деицырдыруа поетны иҟалаз, Борис Ручиов ихатәы жәеинраалақәа дрыԥхьон.
– Иажәеинраалақәа акыр шәгәалашәозар?
– Уара иуҩит анаҳҳәалак, сыршьырц зышәҭахузеи,
уи сара изымҩит иҳәон. Аха ҳара ҳлагер аҿы, зынӡаск
ихы-игәы ахшәаӡаны, ихала иҽизымшьуа, арахь адунеи
даныӡаар иҭахны аҟынӡа инеиуаз, ибжьы ҩҭганы иҳәон абри
ажәеинраала: «Наша юность увядает за тюремною стеной,
потому что управляет Сталин нашею страной». Соркестр сыманы Магадан инаркны Оимиакона аҟынӡа, Иакәтиатәи АССР
иахьаҵанакуаз, Гулаг (Государственное управление лагереи)
анапаҿы иааҟаз алагерқәа рҿы ҳақәгылеит.
– Жәашықәса ишәхыжәгеит?
– Мап, жәашықәса анысхызга, даҽа шықәсыкгьы
соурмышьҭӡеит. Саноурышьҭгьы уаҟа, Калыма, Адыгалах
аҳаблаҿы саангылеит. Абахҭаҿынтә соурышьҭит, аха ахара сыдхымызт. Акультуратә ханаҿы ҟарулс аусура салагеит. Убраҟагьы еиҿыскааит ахаԥшьгаратә ансамбль. 1949
шықәсазы азин соуит Калыма алҵра. Аха азин сымамызт
Аҟәа анхара. Сара исыдырԥхьаӡалаз ахара аамышьҭахьгьы,
сашьа Владимир Ладариа сихдырҟьаргьы ауан. Владимир
иԥшәма, Қсениа Пивицкаиагьы, ишудыруа, усҟан дҭаркит,
Воркәтаҟа дхырҵеит. Рхәыҷы, Валери ианду, Вовеи сареи ҳан,
длыманы дцеит Қарҭҟа. Уаҟа дылҵәахит. Сара саныхынҳә,
срышьҭаланы Қарҭ исыԥшааит. Уааԥсы бзиақәак, Асатиани
зыжәлаз ҳақьымцәақәак, рыквартираҿы уадак рыҭаны, ирыдкыланы ирыман. Снеит Қарҭ, аха ашәҟәы сыҽҭазҩыр сыркуан, сеиҭаҭаркуан. Аԥсны абком аҿы маӡаныҟәгаҩыс аус зухьаз, Георги Стуруа уаҟа, Қарҭ дшынхоз саҳаит. Иара уажәы
мычхараҳәа акгьы имамызт, хыхь дыргәамԥхеит, имаҵурақәа
дрымхны дыҟан. Сашьа иҷкәын дсыцны ҳнеит убри иҿы.
Уии Владимири даара пату рзеиқәын, аиҩызара ду рыбжьан,
Георги Стуруа уаҩы ԥсыцқьан, амилаҭ еилихуамызт. Исыцыз ахәыҷы Вова иҷкәын шиакәыз аниасҳәа, илабжышқәа
ҩхаҟәҟәалан, ҿааиҭит «Ваш брат и твои отец никогда не был
врагом народа, он был честнеишим коммунистом и иа его лиубил». Маҵура шимамызгьы, идырцәа рыла дсыцхраан, Русҭави
аусура салагеит учиотчикс. Аха 1950 шықәса алагамҭазы,
еиҭах иалагеит ауаа рҭакра. Араҟа иаҳа ишәарҭоуп сҳәан,
ҳҭынхацәақәак нхон Ленинград, убрахь сцеит сыбналаны,
улахьынҵа уацәыбналар ауашәа… Мап, улахьынҵа акәым, Сталин ирепрессиақәа рцәыбналара аӡәыр илшозшәа… Ленинград амҵан Волхово ҳәа иахьашьҭоу аихамҩаҿы аус зуан. Аха
иаарласны уаҟагьы ауаа рҭакра иалагеит. Иаарымԥыхьашәоз
ҭаркуан. Сцеит Чудоваҟа. Убраҟа исыхьӡеит. Сыркит, еиҭа
сынҭаркит. Ленинград аҩнуҵҟа иҟаз абахҭаҿ саарган, уаҳа
аӡәгьы даасзымҵааӡакәа, сырхашҭӡаны сҭакын ԥшьымз.
Ашьҭахь иаасыԥхьан, сзыхдырҟьаз ҳәа акгьы мҳәакәа,
уԥсы ахьынӡаҭоу нхарҭас иумоуп рҳәан, Красноиарсктәи
атәылаҿацә ашҟа срышьҭит. Снанагеит Абансктәи араион Озиорное аҳаблаҿы. Зықьҩыла ҳаицын абаандаҩцәа. Абнеиужьра агәҭан, дәҳәыԥшк аҿы ҳнаргеит. Зны апалаткақәа ҳрыҵан,
нас ҳалагеит ақалақьқәа рыргылара. Хышықәса ҳнарҭалоны,
ҳрыцҳарақәа зыхҟьаз дыԥсит. Дысҵәыуеит гәыкала. Абасҟак
ааӡаб ахыгара ахьсықәшәаз сыԥсҭазаара зҿаҟәаз иара
шиакәыз абаздыруаз. Дыԥсит Сталин, ҳаужьра иалагеит,
аха Аԥсныҟа аара сацәшәеит. Исхашҭыз, Красноиарсктәи
атәылаҿацә аҿы саныҟаз, абна аганахьала занааҭкгьы сҵеит.
Москва санааи, Свердловсктәи аобласт ашҟа срышьҭит усура.
Убра сшыҟаз, 1954 шықәсазы, аҩыза Ладариа иааухугаз зегьы
акгьы ухараӡамкәа иухугеит, цәгьара ҟаумҵаӡеит ҳәа ашәҟәы
аасдыркит. Аиаша уасҳәап, ацәгьара ҟасҵаны, абриаҟара
сақәшәазҭгьы иаҳа исзымариахон ахыгара. Схы злеиламгаз
сыздыруам, 1958 шықәсазы апартиа салалеит. Ҩышықәса
ааҵхьаны, Серовтәи апартбиуро Химлесхоз аҿы апартбиуро
амаӡаныҟәгаҩыс салырхит. Аԥсныҟа саазгазу? Изыбзоуроу
Архип Лабахәуа иоуп. Уи усҟан Аԥсны аминистрцәа р-Совет
ахантәаҩыс дыҟан. Уии сашьеи пату рзеиқәын, иеизааигәан.
Аԥсуа школ санҭазаахыс иаргьы саргьы ҳаибадыруан.
Еиуеиԥшым амаҵурақәа…
Апартиатә дҵақәа… Уажәгьы, ишудыруа, аус зуеит.
Смаҭацәа сааӡоит.
– Аҵыхәтәантәи азҵаара. Алексеи Константин-иԥа,
шәара шәеиԥш харада ахара рыдҵаны иҭаркыз, ааӡаб
еиқәаҵәа зхызгаз санрацәажәо зҵаарак рысҭалоит шәгәы иалымсуазар, шәаргьы сшәазҵаауеит. Иарбан хҭысу, иарбан мшу
шәыԥсҭазаараҿ реиҳа ишәцәыцәгьаз?
–Уара узҿу реиҳа сгәы ахәра анызҵаз акәхап? Агәрагара
уцәыцәгьахашт, аха аиаша уасҳәоит. Сара сзыҳәан зегьреиҳа
итрагедиахеит Асовет ҳәынҭқарраҿы иааҟалаз арыцҳарақәа,
ацәгьоурақәа, сара схаҭагьы саазықәшәаз зегьы зхараз Сталин шиакәыз анеилыскаа. Сара бзиа избоз, зыгәра
згоз, ҳзықәшәаз издыруам акәымзар, аиаша иаиргон ҳәа
сзызхәыцуаз ауаҩ, ихаҭа иакәзаарын… Ҿырԥштәык аазгоит.
Аколнхацәа раԥхьатәи реизара ду Москва ианымҩаԥысуаз
Ҭаџьықьсҭан ахьӡала, дара рааӡамҭа апионер ԥҳәызба хәыҷы,
абамба аизгараҿы арекорд ахьаалырԥшыз азыҳәан дҳашьҭит
иахьа зыхьӡ еицырдыруа Мамлакат Хахангова. Уи Москва
дахьнеиз, Сталин илаԥш дыҵашәеит. Лара зынӡаск дсабин. Авожди лареи рпатреҭ еицҭырхит. Ахәыҷқәа бзиа ишибо, ахәыҷқәа иара инапаҵаҟа насыԥ шрымоу ҳәа символс
иҟаҵаны, абри афото зехьынџьара иахырҵәан. Ҳаргьы агәра
ҳгон, ииашаны ахәыҷқәа насыԥ рыманы иҟаиҵеит ҳәа. Усҟан
иабаҳдыруаз, миллионҩыла иҭакыз ауаа рхәыҷқәа ахьыршьуаз, иаанхаз еиҭымцәаханы, алахьынҵацәгьара иахьҭагылаз
иара ихаҭа ишихараз…
«Аԥсны аҟазара», № 5, 1988

ҲАЛАЦӘАЖӘАП АЦӘАЖӘАШЬА
Уажәааигәа еизарак салахәын. Егараан ҳгәы иаҭахым
аҟаҵара ҳақәшәахьеит.Исцәымӷқәоу иреиуоуп аизарамцхәқәа.
Урҭ аизарақәа реиҳарак ибашоу, иаамҭарӡгоу еизарақәоуп.
Алашара рыхбалаанӡа ҳаблақәа зыԥсоу шаҳзымдыруа еиԥш,
нҵәашьа зқәым акәу џьшьаны, зыхә ҳамшьо ҳаамҭа реиҳа
ҳазцәымӷу аӡәы иаҳзиуашәа, меигӡарахда иахьҳацәцо ҳхы
иқәаҳкыргьы, ишԥаԥсыхәо урҭ аизарақәа раан иаҳцәыӡуа
ҳгәабзиара. Иҳанаҳәозеи абри аҵыхәала аҭоурых? Аизараҿы
ирыӡбеит, аизараҿы иԥҟаны ишьҭырхит анырҳәа, аӡәы дналкааны илахьынҵа акәым, Аԥсадгьыл алахьынҵа аныӡбахозгьы
ыҟан. Аизараҿы ажәа рырҭон реиҳа иҟәыӷаз, зажәа акыр
аԥхылнадоз. Асоциалтә еиҟарара иаанагом хшыҩлагьы
аиҟарара.
Азакәан ауаа еилнахуам, аха даараӡа илаԥшуеит, ауаа
еилнахуеит аламыс. Шаҟантә ачҳара ҳақәшәахьоузеи,
ҵыхәаԥҵәара змам ихшыҩ рҵагам ацәажәара. Агазеҭ ианын Москва имҩаԥысыз еизарак аӡбахә. Аизара ианалагоз
азал ду иамкуа иҭәын. Алгамҭахь ианнеиуаз, унацәкьарақәа
рыла иуԥхьаӡартә имаҷхахьан ауаа. Аӡырҩышьа ҳаздыруам,
ицәажәо пату рықәаҳҵом ҳәа ауп изҩыз ҵакыс иеиҭаз.
Ҽакала ҳазхәыцыр? Рыуа иарбан иаҳа иламысу ҳәа иԥхьаӡоу,
уаамҭагьы угәабзиарагьы нахҭынҵо, угәы иамыхәо аизараҿы,
сгыланы сцар ԥхашьароуп ҳәа ичҳауа атәара акәу, мамзаргьы саҭашәымҵан адунеи азна пату шшәықәысҵо, аха
уаҳа шәзыӡырҩра сычҳара азхом, избанзар, ишәҳәо сыхгьы сыгәгьы акгьы анаҭом, исоуа аҵкыс иахҭнысҵо акырӡа
еиҳауп ҳәа угәы инҭаҳәаны уҩагыланы ацара акәу. Аҭак сара
исзыҟаҵом. Сызлацәажәарц исҭаху, даҽа цәажәароуп, даҽа
еизароуп. Ажәа ахы умҳәакәа, аҵыхәа узҳәом. Ҳҳәынҭқарра
аҩнуҵҟа, ҳауаажәларраҿы аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы
имҩаԥысуаз апроцессқәа убасҟак аԥырхага ҳнаҭеит, ҳаԥхьаҟа
акыр шықәса рыриашара уадаҩын. Дуриашар ҟалоит акгьы ихараӡамкәа иршьыз, ибаҟа ургылар ҟалоит иҳаԥхаз
ауаҩ ду. Уи ихьӡ-иԥша шьақәургылеит. Аха адунеи ахаан
шьақәыргылашьа амоуа иӡуеит аҳәынҭқарра абеиарақәа
раԥхьа игылоу – иҳәам ахшыҩҵак бзиа, иӡыргам аҟәыӷара.
Ауаҩымра аҳра анагалак, иҵабгоит аҟәыӷара. Еицырдыруа
ашықәсқәа раан аҟәыӷацәа, иреиҳау ҟәыӷарас иршьо иалагеит
рҟәыӷара аҵәахра.Реиҳа хыԥхьаӡарала еиҵахаз хыԥхьаӡарала
еиҳау ирыххәыцлароуп апринцип – абзамыҟәреи аҟәыӷареи
рышҟа ианиагаха, ҿиараҳәа акгьы зыҟалом, избанзар, шә-хы
бзамыҟәк ирзымыӡбауаз, ирзеилымкааз иҟәыӷоу хык иаӡбар
алшоит. Аҵкыс еицәоу принципуп ҳазхааныз, иахьагьы цқьа
ҳаззымиааицкәа ҳааиуа даҽакгьы – имаҵура шаҟа идуу,
убасҟак хшыҩлагьы ддуушәа ауаҩы ихәаԥшра. Ҳәарада,
ари иаанагом имаҵура дузар ихшыҩ маҷушәа. Ишԥаҟаз
ауаҩы ажәак данақәдырӡуаз ашықәсқәа раан? Ажәлар
иеизыргон. Даауан аӡәы. Ажәа ҟәыӷа иҿашәар – анасыԥ.
Ихырҵәагоу ажәа иҳәар? Унапы умҩахан ухаҵазар. Ианиашьа ихаҵашьоуп. Сзықәшаҳаҭым иҳәар снапы сҩахомызт
ҳәа аҳәара мариоуп уажәы. Унапы аҩахареи уԥсҭазаареи
рыуа иарбану иалухуа ҳәа алаԥшра ануқәшәалак, ушыҟалаша
аҳәара уадаҩуп. Урҭ ашықәсқәа риааира, рыцәцара ҳаҿуп.
Ҳазқәымгәыӷӡоз ҳахаанхеит. Ашьха икыду шьаҿацыԥхьаӡа
ашьха ақәцә дшазааигәахо еиԥш, иҳалаҽны иҳалааӡоу – азал
аҿы ҳантәоу акы аҳәара, атрибунаҿы ҳаннеилак – даҽакы –
иаҳа-иаҳа ҳаиааиуа азааигәахара ҳаҿуп зда ԥсыхәа ҳамам –
ҳацәымшәакәа ҳгәаанагараҵәҟьа аҳәара. Ҳара ҳзы иҿыцхеит
адиалог, еиуеиԥшым агәаанагарақәа рҳәара. Аха, аиаша
аҳәара инадҳәаланы ҳҿаԥхьа ицәырҵыз азҵаарақәа шьарда ирацәоуп. Шаҟаҩы ирҳәо уаҳауазеи иаҳнаҭозеи иаахтны
ацәажәара, иабанӡаҳзеиӷьу арепрессиақәа рылацәажәара,
иналукааша аҳәынҭқарратә, апартиатә усзуҩцәақәак рыгхаԥхақәа, рыцәгьоурақәа ҳҳәар, згәам аҩны идәылганы ашҭа
иқәзыжьыз ҳиеиԥшымхаӡои, шьҭахьҟа ахьаԥшра аҵкыс
еиӷьӡами инахараны ԥхьаҟа ҳаԥшлар, баша ацәажәара аҵкыс
уск ҳаҿызар иаҳа ҳнамҭаӡои уҳәа, ирацәоуп, ирацәаӡоуп урҭ
азҵаарақәа.
Абарҭ рҭак аԥшаара уашьҭамлакәа алацәажәара уада­ҩуп
ҳҩымҭа зызку – ацәажәаратә культура алацәажәара. Инҭыр­
ҭәааны рҭак аҟаҵара шҳалымшо шаадыруагьы, иааркьаҿааркьаҿны акәзаргьы рҭак аҟаҵара ҳҽазаҳшәап. Раԥхьатәи
азҵаара. Иаҳнаҭозеи иаахтны ацәажәара? Ажәа ахаҭа
«иаҳнаҭозеи» ауаҩы ианиҳәо иеиҭоит ҩ-ҵакык. Иаҳнаҭозеи
гәыла-ԥсыла, хыла-хшыҩла, иаҳнаҭозеи мал-мазарала, нхаранҵырала. Ажәытәтәи аҟәыӷацәа ирҳәахьеит «уаргьы саргьы
ҵәак-ҵәак ҳамазар, уара уҵәа сара исуҭар, сара сҵәа уара
иусҭар, зегьакоуп ҵәак-ҵәак ауп иҳауа. Аха уара иумазар
хшыҩк, сара исымазар хшыҩк, уара ухшыҩ сара исылоуҵар,
сара сыхшыҩ уара иуласҵар, ҳҩыџьагьы ҩба-ҩба хшыҩ
ҳауеит». Аха ҳахшыҩқәа еимаадарц азыҳәан, уара иудыруазароуп иуҳәо ушақәысмырӡуа, сара агәра ганы сыҟазароуп
иунымаало ажәа сҳәазаргьы аԥсҭазаара сшалыхәдоумтәуа.
Аиаша агәаанагара аҳәареи амшәареи, алҩеи амцеи реиԥш
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2114
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2172
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3334
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2343
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2249
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2187
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2176
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2177
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3377
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2162
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2211
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2207
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2271
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3296
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3311
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2202
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2296
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3408
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3367
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2221
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2156
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2054
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2216
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3333
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2174
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3272
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2076
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3349
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 22
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20