LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22
Süzlärneñ gomumi sanı 3376
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2202
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ҳәарада, иацтәи ацәажәашьеи иацтәи акатегориақәа рылеи хәыцшьа имам. Абри, адунеитәи ахәыцра, адунеитәи
астандарт хымԥада ирныԥшуеит А. Гогәуа иажәабжьқәеи
иповестқәеи рфырхацәа. Урҭ рзыҳәан реиҳа ихадоу усуп
аиаша азықәԥара, аламысдара ақәӡбара, уи хатәы хьаас
иԥхьаӡаны агәынгара. Автор ихәыҷра иҭигаз агәалашәарақәа
ирыхҳәааны иаԥиҵахьоу аҩымҭақәа маҷым. Уи ихәыҷра,
иқәыԥшра, ихдырра ашьақәгылара рықәшәеит аибашьреи уи ашьҭахьтәи ашықәсқәеи. Ҷыдала ашәҟәыҩҩы ибио313
графиа иадҳәалам арҿиамҭақәагьы, ҳәарада, ирныԥшуеит
абарҭ ихьанҭаз, аха аԥсҭазаара бзиа азыҳәан ақәԥара зцыз,
ашықәсқәа рхыԥша. Фырхацәақәак уи атәы рҳәоит иаахтны,
даҽа џьоукы «ирҳәоит» гәҭахәыцрала, ҩнуҵҟатәи монологла.
Иазгәаҭатәуп А. Гогәуа дшазҟазоу аҩнуҵҟатәи амонолог, бжьыда «ацәажәара». Ашәҟәы иагәлоу ажәабжьқәеи аповестқәеи
рҿы аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоит аԥсабара. Ҳзшьцылахьоу,
ҳхаԥыц зҿахьоу аԥсабаратә цәырҵрақәа ракәым. Араҟа ауаҩи
аԥсабареи, ишырҳәо еиԥш, жьи наԥхи реиԥш, иузеиҟәымҭхо
еидҳәалоуп. Ари арецензиа хәыҷы, ҳәарада, ашәҟәы аилыргара, инхарҭәааны иагыу-иабзоу рҳәара иазкым, аха ибаҩхатәра
ду ҳаҭыр ақәзҵо ԥхьаҩык иаҳасабала, зеиӷьшьараны исҳәарц
исҭахуп, А. Гогәуа иҩымҭақәа рыԥхьара армариара, асиужет
аҟаҵара иҵегьы дазхәыцларц, аҳәоуқәа изҵоу рыхшыҩҵак
еидара рызныжьны, рҳәашьа ԥсыхәа ахьынӡамоу арласра.
Зыԥсы ҭоу зегьы уалԥшьак-уалԥшьак рыдуп. Анхаҩы –
аарыхра, арацәаҵхҩы – арацәа аҵхра, ашәаҳәаҩ – абжьы хаа.
Ашәҟәыҩҩы иус урҭқәа раҵкыс излахьанҭоу, дара ртәы зегьы иара иҳәароуп. Исҭахуп иаазгарц цитатак Алықьса Гогәуа
иреиӷьу иповестқәа ируаку «Мшәагә хәыҷи Мшәагә дуи»
аҟнытә еицәажәарак.
Мшәагә хәыҷы: «…аус зеиԥшраз, зегьыҵәҟьа инагӡаны
исзымҳәазар ҟалоит, аха дасу еиҳа дыззыманшәалоу ауп. Сара,
хырҽхәарас ишәымԥхьаӡан, ахырҽхәара сылазар жәдыруеит,
аха, ажәлар шәыххь згеит, шәара шәыхьӡала, абри ижәбо, сара
сыхьӡала, акы сҳәарц сҭахызар, исзымҳәаҵәҟьо сыҟам…
–Уара иумҳәозар изҳәода, –иҳәеит Қьоуқьас, макьана акгьы инапы амыркӡакәа ус дахьтәаз».
Арҭ афырхацәа еибырҳәаз даҽа уск азыҳәан ирҳәеит, аха
итемеи иҳәашьеи ҳрызхәыцны, абарҭ ажәақәа аарҳәны, автор
ихаҭа изаҳкыр ҳалшоит. Абри ауп изыхьӡу ахатәы тема, ахатәы
бжьы, ахатәы стиль. Аԥсуа литетарута унҭыҵны ухәыцыргьы,
ҿыӷәӷәала иуҳәар алшоит урҭ имоуп ҳәа А. Гогәуа. Ари шьарда
аҵанакуеит. Зыӡбахә ҳамоу ашәҟәы шаҳаҭра ауеит ҳаамҭазтәи
иреиӷьу асовет проза иашьашәалахаша аҩымҭақәа шҳамоу
ҳаԥсуа прозаҿгьы, иаԥсаҵәҟьаны уи амҩа алхра ишаҿу,
адунеитәи аԥхьаҩ иахь.
«Алашара», 1985
ЖӘЛАР РҞАЗАРА ЕИХАҲАУА
Ҳаамҭазтәи аҟазара хкқәа, литературоума, сахьаҩыроума,
музыкоума, рызегьы, арҩашқәа ԥсхаҵагас ишрымоу еиԥш
анаҟәоуқәа, дац-ԥашәс ирымоу ажәлар иаԥырҵаз адоуҳатә
баҟақәа роуп. Урҭ, зқьышықәсала хыла-хшыҩла иазырҳауа,
рыгәҟәышра налаҵо, ажәлар иааргаз абаҟақәа аус рыдуларала
мацара, аинтерпретациа рзурала, даҽа џьоукы урҭ асиужетқәа,
ахшыҩҵакқәа инархарҳауеит рхатәы рҿиамҭақәа. Иҟахуп
ахԥатәи амҩагьы – ажәлар рҳәамҭагьы даламкьысӡазшәа
аҟынӡа еиқәрхауа, аха уи инахаҳаны, ахатәы рҿиамҭагьы
аԥҵара. Арҿиаҩы ииндивидуалтә хҭҳәааи ажәлар рырҿиамҭеи
реизыҟазаашьа ҳаналацәажәо, иҿырԥштәы бзианы иааҳгар
ҳалшоит ҳкультура зегьы ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа иԥышәа.
Уи, аҟәыӷа ду, дышқәыԥшӡаз еиликааит, икалам иҵыҵуа,
ижәлар, дара рхаҭа ирҳәазшәа ианрыдрымкыла, иажәа
баша ӡҭахысрак ишаҩызахоз. Убри аҟнытә иҩымҭақәа убас
еиҿикаауан, дара рхаҭа, ҵлак ашәшьыра амҵан инатәаны,
мамзаргьы хәшҭаарак иныҽҳәатәаны ирҳәазшәа, арахь
ихаҭагьы ирҿиамҭаны.
Саӡәыкны, хәаԥшҩык, ҳмилаҭтә сахьаҭыхра азгәыблҩык
иаҳасабала, гәалас исыман, ҳсахьаҭыхраҿы раԥхьа
иааиҵагылаз абиԥара, иахьынӡахәҭоу иахьазааигәамыз,
имаҷӡаны рхы иахьадырхәоз ажәлар рҳәамҭақәа, урҭ рхыԥша
рырҿиамҭа имаҷны иахьаныԥшуаз.
Иара иаанӡа шьаҿақәак шыҟаҵазгьы, жәлар рдоуҳатә
ԥышәа иахаҳаны, уи дац-ԥашәс иҟаҵаны, зхатәы рҿиамҭа ду
аԥызҵаз, ихы-игәы инҭыжьны, еиҭах иаархынҳә, изырҿиаз
ирызҭаз Валери Гамгиа иоуп. Иааџьашьаны узеигәырӷьаша,
уи ирҿиамҭақәа «Абрыскьыл» аума (Ҷлоу акультуратә хан
азыҳәан иҟаиҵаз,уаҟа егькнаҳау),«Нарҭаа» аума (Лыхны ашкол
азыҳәан иҟаиҵаз) ушынарыхәаԥшлак, уаанӡа иубахьаз, узхаану уаҩԥсык ипатреҭ убазшәа, дара шракәу удыруеит, убасҟак
жәлар рҳәамҭа инарҵауланы дазнеит, аҟәыӷареи аестетикеи
иаҵаз ҭиҵааит, еиликааит ҳсахьаҭыхҩы. Еиҳараӡакгьы ухызхша, иахьынӡахәҭоу жәлар рырҿиамҭа аҵараиурҭақәа рҿы ианахымсуа, аԥсуаа ҳҭоурых маҭәаркны макьаназы ашколқәа
рҿы ианырымҵо аамҭазы, дазыгәҳәны ихала урҭ аҳәамҭақәа
ахьҭиҵааз ауп. Ус ҟаимҵазҭгьы, ԥсабарала иара ибаҩхатәра
зеиԥшраз ала, шьхәа ҭыԥк инарҵауланы иҵаз аӡыхь аҵхра
дацәаашьаны, дҿажәкуа адәы иқәхаз, диҩызахон. Сгәанала,
абраҟа инацлеит даҽакгьы. Асахьаҭыхҩы ирҿиамҭеи аԥсуа
жәлар аԥшӡара, аестетикатә цәанырра, реиҳа бзиа ирбоз
аԥшшәқәеи уҳәа еиқәшәеит, егьеинаалеит, дҩагыланы ргәы
иахәаша ажәабжьк реиҳәазшәа. Абарҭ исҳәақәаз рҿы акәзар
ҟалап иахьыҵәаху, иахьыԥшаатәу Валери Гамгиа ирҿиамҭа
иаарласны иахьеицгәарҭаз, аԥсуа хәаԥшҩы иара ихатәы иахьидикылаз зыхҟьаз.
Ажурнал «Аԥсны аҟазара» Валери Гамгиа ирҿиамҭа
«Абрыскьыл» Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа анашьара иаԥсоуп ҳәа иқәнаргылеит, аха усеиԥш ҳҳәартә ҳара
ҳҟазҵаз, ҳхы иҭазыршәаз ажурнал аԥхьаҩцәа роуп. Шықәсык
уажәаԥхьа, апремиа азыҳәан ихьӡ ҳҳәарц акыр шыбжьаз,
асахьаҭыхҩы дызҿыз аусумҭа ду инагӡаны далгарц маҷ-саҷк
шигыз, ажурнал аҿы иаҳкьыԥхьит уи аусумҭа иахҳәааны
инеиҵыхыз астатиа, ҳәарада, аиллиустрациақәа ацҵаны.
Убри инаркны иҳауа ҳалагеит аԥхьаҩцәа рҟнытә ашәҟәқәа.
Исҭахуп урҭ ашәҟәқәак рҟнытә цитатақәак аазгар.
Абар ирыҩуа Ҷлоу ақыҭантәи ҩыџьа анхацәа, Б. Адлеибеи И. Шьалашьааи: «Ҳара ҳқыҭаҿы имҩаԥысит ҵакыла
иҭбааз, жәлары зегьы рзы аинтерес зҵаз ахҭыс дуқәа. Уи азкын акультуратә Хан аартра, убри анаҩсан ари акультуратә
Хан аҟны иҟан СССР ашәҟәыҩҩцәа рԥылара. Арҭ реиԥш ахҭыс
дуқәа анымҩаԥысуаз уаҩы игәеимҭарц залшом асасцәа
дахьқәа изаԥырымҵуа, иџьашьа-лакәшьо ишрыхәаԥшуаз
Валери Гамгиа Абрыскьыл изкны иҭихыз асахьақәа.
Еиҳараӡак ҳара ҷлоуаа агәахәара ҳнаҭоит Абрыскьыл
иҳаԥы ҳара ҳқыҭаҿы иахьыҟоу. Уи ҳара ҷыдала даҳтәушәа
ҳаихыҽхәоит. Убри аҟнытә алегендатә фырхаҵа иааизку
мыцхәы ҳазҿлымҳауп. Ахан аргылара ианаҿызгьы ақыҭаҿы
иҳалаҩхьан сахьаҭыхҩы ҷкәынак Абрыскьыл исахьа ҭихырц
даҿуп ҳәа. Илшарымашь ҳәа алакҩакрақәа змазгьы ҳаҟан, избанзар даараӡа ицәгьоуп ус еиԥш иҟоу, анцәа ихаҭа иҿагылоу
афырхаҵа исахьа аԥҵара. Уажәы хара сасык данаҳҭаалак,
алегенда ахаҭа ажәала инеизеиҭаҳәаны, зыӡбахә уаҳҳәаз
блала дубарц уҭахызар, уааи ҳхан ахь ҳәа днаԥхьаны Агамгиа иҭыхымҭа наиҳарбоит, убасҟак уи дақәшәаны дааирԥшит.
Иџьоушьаша, заҟа еинаало ԥштәыла еилоузеи, ҳара ҳ-Аԥсны!
Ҳанхамҩатә усқәа реиқәтәамҭазы, хәылԥазыла ҳара ҳнеилоит
акультуратә Хан ахь. Егьараан абра ҳааиргьы ҿыц иаабазшәа
ҳаиҭанахәаԥшуеит В. Гамгиа иҭихыз».
Анхацәа ирҳәаз ашьҭахь ҳаизыӡырҩып ҳтеатртә ҟазара
ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәку, Қырҭтәылатәи ССР-и Аԥсны
АССР-и жәлар рартист Азиз Агрба: «Валери Гамгиа иналукааша ҳаамҭазтәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа дреиуоуп.
Иреиӷьу уи иусумҭақәа ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ирылхны иҟаҵоуп. Убри азыҳәан иаҳагьы игәцараклатәуп, иаҳагьы
иаҳзааигәоуп».
Абаҩхатәра ссир ззмоу асахьаҭыхҩы Валери Гамгиа, қәрала рацәак шихымҵуагьы, иусумҭақәа аԥсуа жәлар
ирылаҵәахьеит, дыззымдыруагьы даара дмаҷуп. Ас еиԥш иҟоу
ахьӡ-аԥша асахьаҭыхҩы изҭаз, уи ибаҩхатәра, иҟазара мацара адагьы, инапы злеикуа атема ижәлар иахьырзааигәоу,
аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура аҷыдарақәа, дара рхәыцшьа
ахьаныԥшуа ауп. Ари даараӡа ихадоуп амилаҭ ҟазара
ашьҭыхразы мацара акәымкәа, иара ажәлар рыхдырра
азырҳаразгьы.
Валери Гамгиа амилаҭ рҟазшьа инарҵауланы, адацқәа
рҟынтәи дазнеины аарԥшра илшеит.Еиҳаракгьы уи ибаҩхатәра
харҭәааны иааԥшит Ҷлоу акультуратә Хан азы иаԥиҵаз
амонументалтә ҿыханҵа «Абрыскьыл» аҿы. Асахьаҭыхҩы
илшеит ҟазара ҳаракыла ажәлар рытрадициа иазааигәаны,
ирҿыцны, ари алегенда аԥызҵаз рзырхынҳәра. Сгәы иаанагоит В. Гамгиа даԥсоуп ҳәа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә
премиа». Ари ажәақәа зтәу аҵарауаҩ-аетнограф Иура Аргәын
иоуп.
Ирацәахеит, избоит, аха аԥхьаҩ исанаижьып ҳәа сгәы иаанагоит даҽа цитатак аазгар, избанзар уи иҳәамҭоуп занааҭла
Валери Гамгиа ишьашәалоу, даҽакала иуҳәозар, иколлега,
ҳаамҭазтәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа бзиақәа аӡәы ҳәа инарылукааша Виссарион Ҵәыџьба. Абар уи иҩыза изыҳәан иҩны
иааишьҭыз ашәҟәы ацыԥҵәахак:
«Зқьышықәсала ажәлар ршьа-рда иалалахьоу, рдоуҳатә
хәыцраҿ рҩашьашьа зқәым, ихарҭәааны ишәхьоу аҭыԥ ԥшьа
аанызкыло аԥҵамҭоуп Абрыскьыл ифырхаҵара.
Ерцахә еиԥш ҳмилаҭ рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ирылыҳәҳәо,
ргәырӷьареи ргәырҩеи, имыхьшәашәаӡоз рхәыҷреи неи
зыркәкәаны рҿахәы злеиҭарҳәаз убри аџьашьахә ссир
иазкны иҿыцу акы аҟазараҿ аԥҵара арҿиаҩы изы иус
хьанҭоуп. Абрыскьыл ифырхаҵара азы адоуҳатә хәыцраҿ
ишьақәгылахьоу аформа, ҿаԥыцла ажәабжь ҳәара акәымкәа,
лаԥш-ҿаԥшы меижьарада афырхаҵа дубартә еиԥш, иара убри
амиф, ауаҩы – аԥҵаҩы иҿаԥхьа, иҿыцӡоу ҟазаратә хкыла
Абрыскьыл дцәыригеит Валери Гамгиа.
Имыцхәымкәа иҳәазар алшоит В. Гамгиа имонументалтә
ҿыханҵа «Абрыскьыл» Ҷлоу акультуратә Хан афое злаҩычоу,
аԥсуаа рмилаҭтә профессионалтә ҟазара зегьы азы илагала
дууп ҳәа. Ари аԥҵамҭа, зшәага-зага маҷым, шоит хәҭа рацәала.
Убарҭ ахәҭақәа ирымоуп рхатәы ҵакы, аха изаҵәны, армаӷьырма акәымкәа, урҭ зегьы еиларсуп ирзеиԥшу ҵакылеи
ҭыхшьатә формалеи.
Автор иаҳирбарц ииҭаху ахҭыс иазиԥшааит иара
иаҷыданы иашьашәалоу астиль. Уи ицәанырра дамеижьеит,
ибаҩхатәратә хаҭара аҿаԥхьа амц имҳәеит, иара убри азы
ауп ахәаԥшҩы-аӡбаҩ дызхәаԥшуа асахьа агәра зиго, изхеиҵо.
Асахьақәа зегьы ааидкыланы иҩуп егьӷьаӷьацәамкәа,
егьылаҟәцәамкәа, иеиԥшу ԥшшәыла. Асахьаҭыхҩы ихы
иаирхәаз аԥшшәқәа шамахак ишымыцхәымгьы, илшеит игәы
иҭеикыз ахҭыс арҵабыргра баҩхатәра дула.
Ишдыру еиԥш, аҿыханҵаҿ даара ицәгьоуп, аҟаза игәы
иҭоу ахҭыс ахь ианиеиго иақәшәаша, ианаалаша аколорит
азыԥшаара. Ҳазлацәажәо аусумҭа иазыԥшаауп убас еиԥш иҟоу
аколорит, ахәаԥшҩы ила ԥнамҟо, иԥшӡаны, аҵакы аарԥшразы
ицхыраагӡаны, иара ахькыду иакәршаны иҟоу аҭагылазаашьа
зегьы иақәшәо.
Хымԥада, дарбанзаалак имбарц залшом, гәыцә хадас
асахьа зегьы злашьақәгылоу аҷышә, автор дазрыцҳамкәа
иласӡа ишҭиҵаауа. Ари аҿыханҵаҿ иаабо иарбанзаалак,
цәамаҭәоума, маҭәарума, ԥстәума, рызегьы ҭыхуп гәыкԥсыкала, ԥсы цқьала, баҩхатәра дула.
Аҟаза, зыжәлаар ирзааигәам, рхьаа зхьаам, ргәырӷьара
ззгәырӷьарам, иагьа џьамыӷәа цәгьа ибаргьы, иаԥҵамҭа
баҩхатәратә ԥхаррала ажәлар ргәы азырԥхом, уи хымԥада
имыхьшәашәарц залшом.
Аҿыханҵа «Абрыскьыл» ҳанахәаԥшуа хымԥада агәра
аагоит уи аԥҵаҩы агәаҵәа цқьа шизҭоу, наунагӡа инасыԥ иалалаз ибаҩхатәра шымаџьанам. Ас еиԥш иҟоу амонументалтә
рҿиамҭа ҳәарада, ахәшьара ду иаԥсоуп».
Еиҭасҳәахуеит, ацитатақәа рацәахеит, аха уи заазгаз,
акы, сара сыгәҭыха рыласҳәарцоуп, ҩбагьы, иаанарԥшуеит
занааҭла еиуеиԥшым ауаа ишрыдыркылахьаз зыӡбахә ҳамоу
арҿиамҭа.
Валери Гамгиа ҳаамҭа, аҩажәатәи ашәышықәса аҩбатәи
азыбжазы адунеитәи ахәыцра, адунеитәи агәҭыха аҳаракыра
аҿы дҩеины ихәыцуа, агәҭыха зыгәҭыхоу сахьаҭыхҩуп.
Аԥсра, абзара, аибашьра, аҭынчра, атәра, ахақәиҭра уҳәа
ҳшәышықәса реиҳа ихьаанаго азҵаара дуқәа, апроблемақәа
ҳсахьаҭыхҩы иҳәеит Абрыскьыл ихҳәаау амиф ихы иархәаны.
Иулшоит ауаҩы ашьамҭлаҳәқәа ишьоуҵар, дзымцәажәо
иҿгьы асаԥаҭ аҿоуҵар, аха иҟоуп убас еиԥш мчык, аӡәгьы имч
зқәымхо зыхәаҽра аӡәгьы илымшо. Уи адоуҳатә мчы ауп. Амца
ишацрыҵуа аԥхарра, уанахәаԥшлак абарҭқәа ицрыҵуеит
ҳсахьаҭыхҩы ибаҩхатәра иахылҵыз Абрыскьыл.
«Алашара», 1986
АЦҲА ХЫЗҴО
Абраҟа ианаҳҵоит Џь. Кемпбел ирҿиамҭа аҿыханҵа
«Аҟәа азааигәара». Апеизаж, афотоқәҭыхымҭа. Уи Аҟәеи
Килмарноки аиҩызара рыбжьарҵарц ианеиқәшаҳаҭхоз,
уаҟа, Килмарнок ҳаныҟаз «СССР – Шотландиа» ассоциациа
иалахәу ҳамҭас Аԥсны аҳҭнықалақь ианаршьеит. Дызусҭада
уи, шәышықәса инареиҳаны уажәаԥхьа Шотландиатәи дааны,
абас гәыбылрала Аҟәа ааигәара асахьаԥшӡа ҭызхыз, иахьа
шәҟәыбыӷьшәыла ишьақәҳарӷәӷәо аешьара раԥхьаӡа ацҳа
ахҵара иалагаз?
Џьон Кемпбел диит 1821 шықәсазы Единбург ақалақь
аҿы, иара убраҟа ауниверситет дҭалеит. Уи иҵон химиа,
аԥсабараҵара, ажәытәра (антика), нас ҿыц ацәырҵра иаҿыз
афотографиа, аха ауниверситет далгеит адукат ҳәа аквалификациа иманы. Убри азанааҭгьы игәы азҭамызт. Икаижьит. Агерцог Џьорџь иҟны маӡаныҟәгаҩыс, амҳәыр хьчаҩыс аусура далагоит Лондон ақалақь аҿы.Абраҟа уи дрыниоит,дырзааигәаны
еибадыруеит аҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи. 1861 шықәсазы
иҭижьит реиҳа ажәлар ирылаҵәоу алакәқәа ҩ-томкны еизганы.
Џьон Кемпбел еиуеиԥшым абаҩхатәрақәа илан. Уи иҟаиҵеит
ирацәаны анџьнырратә, нас анаукатә аартрақәа, бзиа ибон
аҳәынҭқаррақәа рахь аныҟәара. Европеи скандинавиатәи
атәылақәеи рҿы даныҟаз дазҿлымҳаны аҭҵаара далагеит
адгьыл аҵа амаӡақәа, егьҭижьит ҩ-шәҟәы дук «Аҵааи амцеи»
рыхьӡны. Уаҟа уи далацәажәоит адгьыл ацәеижьи, наҟәоуқәа,
асыԥсақәа, нас авулканқәа рыҟалашьа. Џь. Кемпбел акыр
шықәса азикит аоптика аҭҵаара, ишаҳҳәаз еиԥш, Единбург
ауниверситет данҭазгьы апатреҭҭыхшьа иҽадцаланы иҵон.
Уаҩы гәҩарас икыр ҟалоит акы. Абас афотоҭыхра бзиа избоз,
Аԥсны даныҟаз издыруада уи афотоқәа ҭихзар, ианҵамҭақәа
ыҟазар, архивқәа рҿы еиқәхазар. Иҭыхымҭақәа анылон,
иаҳҳәап, ажурнал «Фотографическое общество». Џьон Кемпбел аартрақәа ҟаиҵеит амш зеиԥшрахо аилкаараҿгьы. Уи
иҟаиҵаз азыҳәан иаԥиҵаз аусумҭа 400 даҟьа инареиҳауп. Аха
Џь. Кемпбел Шотландиа аҭоурых аҿы ҵарауаҩык иаҳасабала
аҵкыс, алакәқәа еизганы ашәҟәы ианызҵо, нас асахьақәа
ҭызхуаз ныҟәаҩык иаҳасабала иаҳа ихьӡ-иԥша аанхеит.
Иныҟәарақәак раан, хымз амҩа дахьықәыз Норвегиеи Швециеи дрылсны, 1873 шықәсазы дааит Урыстәыла. Араҟа уи
дыҟан Архангельск, ӷбала Каспиеи Амшын Еиқәеи еимидеит,
нас Ҟрымынтәи Ҭырқәтәылаҟа дцеит, уахьынтәи Италиа днеины дхынҳәит иԥсадгьыл ахь. Абарҭ иныҟәарақәа рааноуп Аҟәа
данаакыдгылаз, асахьагьы анҭихыз.
Лондон, 1986
ЏЬОРЏЬО ВАЗАРИ
Аиҭарҿиара (Ренессанс. Возрождение) аепоха ҳаназ
хәыцуа, ҳхаҿы ианааҳгалак зеиԥш уаанӡагьы, уинахысгьы,
аԥсабара иахымшац аҟазацәа, анаџьалбеит, аԥсабара уинахыс
иаҳа иӷархама, усеиԥш абаҩхатәрақәа уаҳа изахылымҵуазеи
ҳәа гәхьаагарак наҳазцәырҵуеит. Уи аҭак абас иҟаиҵеит философк: аамҭа иаҭахын атитанцәа, аамҭа егьықәнаргылеит дара.
Убарҭ агуманистцәа, акымкәа, ҩбамкәа абаҩхатәрақәа
злаз аҟазацәа дуқәа дыруаӡәкуп Џьорџьо Вазари. «Сара
снапқәа акалам аҵкыс ақыцә акра иаҳа иашьцылоуп, схы
иҭоугьы аҩра акәӡам асахьаҭыхроуп», –ҳәа иҩуан аҟаза.
Егьиашаҵәҟьаны, уи сахьаҭыхҩыс, нас архитекторс
акәын ихы шиԥхьаӡоз. Абиблиатә, амифологиатә, аҭоурыхтә
уҳәа асиужетқәа ихы иархәаны иҭихуаз асахьақәа, дызхааныз ҳаҭыр ақәырҵон, дсахьаҭыхҩы бзианы дрыԥхьаӡон. Уимоу, Флоренциа ақалақь аҿы Асиниориацәа Рхан сахьала
изҩычаз иара иоуп. Архитекторк иаҳасабала ҳаҭыр иқәын, иахьа уажәгьы иҟоуп ипроект ала иргылоу, Флоренциа зырԥшӡо
ахан-хьыҵәцарақәа.
Аха абарҭқәа раҵкыс ауаатәыҩса ркультура аҭоурых
аҿы Џьорџьо Вазари даҽакала иаҳа ихьӡ-иԥша аанхеит, даҽа
ус хкык аҿы иҟаиҵаз иаҳа анарха аиуит. Реиҳа ихадоуп ҳәа
иишьоз асахьаҭыхреи архитектуреи иҽырхашәаланы, уи
аҟаза иҩуан аочерк-биографиақәа. Дызхааныз, мамзаргьы
ааигәа зыԥсҭазара иалҵыз аҟазацәа дуқәа, ихаҭа иажәақәа
рыла иаҳҳәозар, «ҩынтәтәи аԥсра иацәихьчарц» азыҳәан,
рыԥсҭазара, рырҿиамҭақәа нарҵауланы иҭҵааны, ашәҟәы
ианиҵон.
Аҟазареи алитературеи рҿы ажәытәангьы иҟан, ҳагәнаҳа
агартә, иахьагьы иҟалалоит абасеиԥш: арҿиаҩы дхьысҳахо,
ихышәҭыз аԥҳал еиԥш, дҭацәуа, дызлагылаз рышьҭахь дынхо
даналагалак, ашьыцра бааԥс иҭнафаауа иалагоит игәаҵәахы,
уинахыс иус зусу рзыҳәан бзиа ҟаиҵом, бзиа иҳәом, дызхаану ракәым, шәышықәсала иара иаԥхьа иҟаз рзыҳәангьы
дҳарамхоит. Разҟыла, уи ачымазара иҽацәихьчеит Џьорџьо
Вазари. Ихатәы цәаныррақәа дырхыҳәҳәаны, уи илшеит абаҩхатәра дуқәа рбара, изыԥсаҵәҟьаз еилкааны, рыхә
ашьара.
Еицырдыруа асовет ҟазараҭҵааҩы А. Г. Габричевски
иҩуан: «В лице же писателя Вазари перед нами встает могучая и самобытная фигура создателя первой истории искусства, мастера итальянской прозы, классика науки об искусстве». Уи ииҩыз ашәҟәы «Аԥсҭазаранҵара» раԥхьаӡа иҭыҵит
1550 шықәсазы. Уаҟа еиднакылон 133 очерк-биографиа.
Вазари ирҿиамҭақәа рҿы ишиҭахыз еилаиӡҩон
иҟалаҵәҟьаз аиашеи ахҭҳәааи. Усҟантәи аамҭазы ус ҵасны
иаԥын. Аӡәгьы иџьеишьомызт рҿиаҩы дук ибиографиаҿы
иԥылар документла ишьақәырӷәӷәам, ажәабжьны ирҳәоны
иаҳаз, мамзаргьы легендаҵас ихырҳәаауаз. Убри аҟнытә Вазари иусумҭа ду «Аԥсҭазаранҵара» аҟны еиларҩашьатәым
анаука иашаҵәҟьа иаҵанакуеи ажәабжьҳәаҩы-новеллистк
ииҩызи. Ашәҟәы аҩбатәи аҭыжьраан даҽа ҩажәижәаба биографиа ациҵеит, насгьы уажәы иаҳа аҵара-еилкааратә ԥшра
аиҭеит. Аҟазара теоретик иакәны ихы ааирԥшит Вазари
ишәҟәы иациҵаз, инеиҵыху аԥхьажәаҿы.
Аиҭарҿиара уи ишоит х-периодкны. Раԥхьатәи апериод уи иԥхьаӡоит ажәаҩатәи ашәышықәса инаркны. Усҟан уи
ахы ыҵнахит, ахатәы мҩа аԥшаара иалагеит. Еиҳарак ирыццар акәхеит ажәытәтәи абырзенцәеи агерманцәеи рготикатә
ҟазареи ртрадициақәеи.
Убри ашьҭахь иалагоит Бриноллески, Донателло, Мазаччо
уҳәа реиԥш хаҭарнакцәас измаз ажәохәтәи ашәышықәсазтәи
аҟазара. Ашәҟәаҿы уи иааннакылоит аҩбатәи ахәҭа, аҩбатәи
апериод.
Аҵыхәтәан автор диасуеит ахԥатәи апериод ашҟа. Абри
аамҭазоуп рырҿиамҭа аҭәымҭа ианҭагылаз Леонардо да
Винчи, Микеланџьело, Рафаель уҳәа реиԥш иҟаз атитанцәа.
Даҽакала иаҳҳәозар, ари аамҭа аҟазара азыҳәан шьыбжьон
агәы иаҩызан. Аҟазара амра иахьынӡазҩеишаз иҩеит. Абарҭ
атитанцәа рыхьӡ иадҳәалоуп иара, Џьорџьо Вазари ихьӡиԥша.
«Аԥсны аҟазара», 1986
АИАШЕИ АҞАЗАРЕИ АНЕИЦУ
Ҳтәыла аекранқәа рҿы қәҿиара дула ицоит ақырҭуа
кинофильм «Ахьхәра». Асовет киноҟазараҿы иналукааша
рҿиамҭаны иҟалаз ари акино ҭихит СССР жәлар рартист, еицырдыруа акинорежиссиор Ҭенгиз Абулаӡе, уи асценариа
авторцәагьы дыруаӡәкуп. Саӡәыкны исгәалашәом даҽа совет
кинок абра аҟара иахьеилаӡҩахьоу аԥсҭазааратә иашаҵәҟьеи
аҟазара дуи. Ари акинофильм угәахы арҵысуеит, ацәа
уцәнарӡуеит, арентген уҭаланы, ублақәа рыла ухаҭа угәаҵәа
уҭаԥшызшәа уҟанаҵоит. Ареализмра аганахьала иугозар,
зыҭра иҭыхыз аҳәаццышә еиԥш ихтуп, иара убасҵәҟьа иҵару
публицистикоуп (иахьатәи ахәаԥшҩы, аԥхьаҩ иаҳа ииҭаху),
аха афильм публицистикатә рҿиамҭам, уимоу, апритча ашҟа
иаҳагьы ихоуп, асценақәа реиҳарак нагӡоуп гротескла, ишгро322
тескыз, ишпарадоксыз еиԥш изыхҳәаау аамҭеи, уи иаланакыз
ауааи. Уи апарадоксра ҳашьклаҳәуа ҳааиуеит иахьа уажәгьы.
Даҽакы акәым, иара акино «Ахьхәра» ахаҭа санахәаԥшуаз аухагьы сыблала избеит ипарадоксыз сценақәак.
Дышԥаҟалои ауаҩы, иԥхыӡҵәҟьа иалашәар ҳәа
дзыцәшәо аус игәалауршәар? Саԥхьа дтәан убас иҟаз уаҩ
быргк. Уи игәынқьра иахылҵыз ажәақәа шәасҳәаанӡа,
ишәгәаласыршәап аекран аҿы ицоз асцена. Иишьуаз
ишьит, иҭеикуаз ҭеикит адиктатор. Ахшыҩ асаԥаҭ аҿеиҵеит,
абаҩхатәра иашьаиҵеит ашьамҭлаҳәқәа. (Уи Варлам Аравиӡе
зыхьӡу, ашьажәҩы Бериа ихы аахҵәа изхагылоу адиктатори, иара иҷкәын Авели ррольқәа уамашәаҵәҟьа дақәшәаны
инаигӡеит Авҭандил Махараӡе).
Ашәы ашәҵараҵәҟьа иақәиҭындаз ирыбаргәыз,зҭынхацәа
ҭадырхоз, уи ақалақь иаланхоз ауаа. Игәырӷьа-ччалароуп. Аха
абар итҟәацит ихәаҽыз агәыблра. Ақалақь иалаҩит хараӡантә,
иҭаркыз, ихырҵаз ахьыршьҭуазынтә (Сибра акәхап), адәыӷба
иаанагеит ҳәа абна, убри, адәыӷба иаанагаз ақыдқәа
ахьхыҵәҵәоу иҭаԥыҟҟаны абаандаҩцәа рыхьӡқәа ануп ҳәа.
Адәыӷба аанҿасырҭахь еихеит ари заҳаз. Егьиашаҵәҟьаны,
уаҟа еиқәыжьын ақыдқәа. Анацәа, аеҳәшьцәа, ахәыҷқәа абарҭ
ақыдқәа рҭынхацәа рхаҭақәа ракәушәа, рнапқәа рыхьшьуа,
ишьышьуа ргәыдыҳәҳәалара иалагоит. Уи аамҭазы абульдозер ақыдқәа еидгәаланы аӡыхәашь иҭанажьуеит, зыг-зҿы
иаҳәо ҳәа аӡәыр дыҟазар, аӡәыр ибаҩхатәра ааԥшызар, зегьы аӡыхәашь ишалаижьуа еиԥш адиктатор. Анаҩсан ақыдқәа
зхуа ахьархь иаҿыҩрны алеира иаҿуп ацәыцә, адиктатор
иаамҭазы еилаҟәыбаса ишцоз еиԥш абаҩхатәрақәа. Схаҭагьы
схәыҷреи сқәыԥшреи ирыдҳәалаз агәаҟрақәа хышхыҵәаны
исыжәлан, уаҩ дызбо сшыҟамызгьы, гәынқьраҵас иаасаҳаит,
уажәраанӡа сызҿыз, саԥхьа итәаз ауаҩ бырг иажәақәа: «Уаҳа
сылшом, уаҳа сылшом!» – ихы иҩнапык рыла иааникылеит,
аекран ашҟа аԥшра даҟәыҵит.
Ҩажәижәабатәи ашықәсқәа рҽанааиҩыршоз инаркны,
ҩынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рылагамҭазынӡа (Сталин
ихаҭара акульт аналагази данԥсызи иаҵанакыз), ԥсҭазарак
мҩасыртә аҟара зҵанакыз аамҭазы, издыруада уи ауаҩ
дызҭашәаз. Иҟалон ихаҭа дҭакызҭгьы, разҟыла деиқәханы
дхынҳәызар, иҟалон иан, иаб, иашьцәа, мамзаргьы зыда
ԥсҭазара имамыз иҩызцәа ивыршьаазар, иҟалоит, цәалажьыла деиқәырханы, хшыҩла, гәыла-ԥсыла дыршьызар ихаҭа.
Сара исыздыруам урҭ рыуа иарбану еицәоу, реиҳа ирыцҳароу,
ауаҩы цәала-жьыла ишьра акәу, иԥсы ҭаны, ԥсымбзам адәы
иқәырхара акәу. Рыуа дарбаныз реиҳа агәаҟра иҭагылаз, иус
ӡбаны, аҿҳәара наиҭаны ихырҵаз аб иакәу, уаха данышьҭало
ҳаҩны ахыбра аҵаҟа ашара ҳаԥыломашь схәыҷқәеи сареи
ҳәа ихәыцуаз, ашьыжь ашҭа данҭыҵлак, уаха аҩныҟа аара
насыԥс иҳауамашь ҳәа ихәыцуаз ан лакәу? Ма уԥсҭазаара,
ма уашьа. Ма уԥсҭазаара, ма узыхшаз уан, уаб. Ма уԥсҭазаара,
ма иухшаз уҷкәын, уӡӷаб, уҩыза гәакьа… Аус злоу ауаҩы рыуа
иалихыз, иԥышәара дшалҵыз акәӡам, аус злоу, ауаҩы усеиԥш
иҭаргылара, усеиԥш иԥышәара иахьурхалакгьы, џьара акала
ииашам, ицәгьароуп.
Аекран сахәаԥшуа, саԥхьа итәаз абырг иажәақәагьы
сшынарызхәцуаз, абар иџьоушьаша аконтраст. (Ишконтрастыз еиԥшҵәҟьа урҭ, ҩажәи жәибжьи ҩажәи жәаатәи
ашықәсқәа. Ажәлар еинҟьаны ишәаҳәалар – иччалар акәын,
арахь иреиӷьыз рҵеицәа хыԥхьаӡарала ҵҩа рымамкәа
икыдҵаны рышьра иаҿын). Аӡәым, ҩыџьам, арԥарцәа
қәыԥшқәа, аҳәсахәыҷқәа рҽынарҟә, ашьшьыҳәа акинозал
аааныжь идәылҵны ицоит. Урҭ рзыҳәан ари акино цқьагьы
иӡбам хыҭҳәаауп, фантастикоуп, баша притчоуп. Ганкахьала,
ҳәарада, уеигәырӷьартә иҟоуп урҭ ари аҩыза аамҭа иахьахаанымыз, рыԥсы ҭаны иахьахьымӡаз Сталин ихаҭара акульт
амш еиқәаҵәақәа, Ежови Бериеи рнапаҵаҟа иахьыҟамлаз,
аха угәы иалымсыр ауам шәҟәыбыӷьшәыла акәзаргьы иацтәи
ҳамш ахьырзымдыруа.
Ақәыԥшцәа ирхароузеи! Ирацәаӡами урҭ аамҭақәа
ргәаларшәара иаҳнаҭозеи, излаҳзеиӷьузеи зҳәауа? Ус
ихәыцуа ма зыҵҩа ҽеим, знапқәа ашьа рыхьшу роуп, мамзаргьы, иаҭахымзар зегьы еиқәыбганы ицааит, аха сара иахьа сҭәы-сыԥха, маҵурала сеиқәышәшәа сыҟазааит ҳәа
зҳәауа, зымгәада хәыцырҭа змам, аиҭакра ҿымҭ иаҿагыло
роуп. Абарҭқәа уанрызхәыцуа иааугәалашәоит М.С. Горбачов
иажәақәа: «Аизара ашьҭахь ицахьоу аамҭеи аҵыхәтәантәи
ахҭысқәеи хымԥаданы агәрахаҵара ҳнаҭеит аиаша принципла ҵакыс иамоу… Апартиеи ажәлари ирҭахуп аиаша зегьы, аду
аҿгьы амаҷ аҿгьы. Убриак заҵәыкоуп изылшауа ауаатәыҩса
рыграждантә уалԥшьа рылааӡара, ус акәымкәа, амци аиаша
бжамҽами ахдырра еицанакуеит, ахаҭара арҿаасҭоит».
Хара ҳазцарызеи, иахьатәи аҿар, изоуҳәалак, иџьаршьоит,
агәра рызгом, иаҳҳәап, Аԥсны иадҳәалоу, иахнагаз абасеиԥш
афактқәа. Иахьа уажәгьы иԥхьаӡаӡам, ԥхьаӡашьасгьы иамоу
здыруада, урҭ, акинофильм «Ахьхәра» злацәажәо ашықәсқәа
раан, ҳавтономтә республикаҿы шаҟаҩы ҭархаз. Усҟан иаркын
аԥсуа школқәа, ирацәаны ақыҭақәа рыхьӡқәа рхыхын. Амц
иашоушәа убасҟак агәра иургар ҟалозаап, ашьҭахь афактқәа
ааганы зыгәра иургаз шымцу иоуҳәаргьы, ихы ақәиҵап
акәымзар, иԥсы ҭанаҵы, аиашаҵәҟьа ашҟа дузмырхынҳәуа.
Имцыз авторитет иахылҵыз ахьӡ-аԥша убасҟак иӷәӷәан, иахьа
уажәгьы иҟоуп, Сталин акритика изуур, ихы удишьылоит, иара
ихараӡам, даҽа џьоукы роуп ауаа ҭазырхаз, иара издырӡомызт
иҳәоит, иаҳҳәап, шҭакы уахьынҭалаз, алаапк уафар, аԥшәма
иакәымкәа, иара, алаапк мацара акәушәа изхароу.
Урҭ ашықәсқәа ирхаану абасеиԥш агәалашәарақәа
изнарҵысуеит акинофильм «Ахьхәра, аха аҟазараҿы, ишдыру еиԥш, ареалтә ԥсҭазараҿы иҟалаҵәҟьо акәӡам аус злоу,
ихадароу, шаҟа иҟазаратә рҿиамҭоу ауп. Уаҟа ирацәоуп кинок азыҳәан имыцхәцәомашь, амцхә ашәыгақәа нихмашь
уҳәартә аҟара иуԥыло, аҟазара аҳаракыраҵәҟьа аҟынӡа
иҩагоу асценақәа. Шаҟа исцена ӷәӷәоузеи, иаҳҳәап, абри еиԥш
иҟоу. Адиктатор еиҵеиҟәаҟәаз адокументқәа рыла дҭаркит
асахьаҭыхҩы. Дҭаркит уи идгылаз акоммунист иашагьы. Урҭ
еиҿадыргылоит, арахь дара рхаҭақәа цқьагьы еибадырӡом.
Аҩыџьегьы рус анырыӡбуа аамҭазы лцәа-лжьы алԥшуа ҵкы
ҵаӷак лышәҵаны, лыблақәа еиқәыҿаҳәа, акаҳԥы лсахьа
лыҭаны дгылоуп аиаша аӡбара анцәахәы Фемида, лнапаҿы
илкуп аиашеи амци зну акапанга. Иҳанаҳәозеи ари? Иуҭир,
иааухәар ауеит аиаша, избанзар уи аблақәа ҿаҳәоуп.
Абасеиԥш ианазныҟәа аиаша,рыԥсҭазара зеиԥшрахараны
иҟаз, ахаҳә леир раԥхьа изаахало асахьаҭыхыҩцәа! Урҭ
иреиӷьыз руаӡәы, дыкнаҳаны дыршьит, дыҩнакнарҳаит ихьчарц ииҭахыз, аиашеи аламыси ирсимволны иаарԥшу аныхабаа. Адиктатор иҭаирхаз, асахьаҭыхҩы Сандро Бараҭели
иԥҳа хәыҷы илызҳаит, дахаанхеит дыззыԥшыз аамҭа. Дыԥсит,
дыржит адиктатор, ахалара, асахьаҭыхҩы иԥҳа Қеҭеван, адгьыл иаҭәалшьом уи иԥсыбаҩ, иахьа дыржуеит иҭынхацәа,
лара уаха дааҵхны, ишҭаҿы аҵла ашьапы дадлыргылоит,
деиҭаржуеит, деиҭаҵылхуеит. Хашҭшьа рымам аус данарҭалак
илҳәо ажәақәа. «Сара сыԥсы ҭанаҵы Варлам Аравиӡе анышә
даман изуам. Хынтә ракәым, хышәынтәгьы дыҵысхуеит. Уи
адгьыл данамаҳда, ацәгьоурақәа иҟаиҵаз ҳрықәшаҳаҭуп
ҳәоуп иаанаго».
Иаҭаххарым асиужет зегьы аиҭаҳәара. Хныҟәгагас илымоузеи асахьаҭыхҩы иԥҳа Қеҭеван? Атортқәа ҟаҵаны илҭиуеит.
Ҽнак аԥенџьыр аҟнытә лыбжьы гоит ҭакәажәык. (Уи аҭакәажә
лроль налыгӡоит иналукааша ақырҭуа актриса ду, уажәааигәа
зыԥсҭазара иалҵыз Верико Анџьапариӡе).
– Абри амҩа абацои? Аныхабаа ашҟа имцаӡоишь?
– Ари Варлам имҩоуп, – лҳәеит Қеҭеван, – ари амҩа аныхабаа ашҟа цашьа амаӡам.
– Аӡәыр иҭахума аныхабаа ашҟа узымго амҩа?! – лҳәоит
аҭакәажә.
Аҭоурыхтә гәынкылара ҳцәымӡырц, уаанӡа ҳазлаԥшыз
аиаша ҳазирхынҳәуеит арежиссиор. Иҳаиҳәоит ҽрыцқьагас
ԥхьаҟа цагас иҟоу аиаша заҵәык шакәу.
«Аԥсны аҟазара», 1987
И. Н. КРАМСКОИ
Аурыс сахьаҭыхыҩ ду Иван Николаи-иԥа Крамскои
еиҳарак дызлардыруа патреҭҭыхҩык иаҳсабалоуп. Иқыцә
иҵыҵыз апатреҭқәа ҳтәылаҿы иреиӷьу агалереиақәа ирхыҽхәо
ирымоуп, лассы-ласс ицәыргақәырҵоит. Иара ирҿиара аамҭа
ақәшәеит азеижәтәи ашәышықәса аҩбатәи азыбжа. Абри
аамҭазы иԥсадгьыл Урыстәылан иҟалеит зеиԥш ҟамлацыз
апрогрессивтә хдырра аҿыхара. Иреиӷьыз аҵеицәа азхәыцуан
рыԥсадгьыл ԥхьаҟатәи аԥеиԥш, уи мҩас изнылараны иҟаз.
Афилософиа, алитература, аҟазара уҳәа зегьы рыхкқәа рҿы
ицәырҵит адунеи зегьы аҿы анырра ҟазҵашаз абаҩхатәра
дуӡӡақәа. Егьиашаҵәҟьаны, даҽа тәылак аҿы ҳара иаҳԥылом
абри аамҭазы Урыстәылан еиҵагылаз иаарываҟәалаша
адоуҳатә культура арҿиаҩцәа. Зегьынџьара иашьҭан аҿыц,
еиҳау, еиӷьу ажәа, ахшыҩҵак, уаанӡа мраҭашәаратәи аҟазара
иҟанаҵоз анырра, аҿыԥшра ацәцара. «Пора подумать о создании своей русской школы национального искусства», –
ҳәа иҩуан И. Н. Крамскои. Уи данқәыԥшӡаз, асахьаҭыхратә
Академиа данҭазгьы еиликаахьан ҿыԥшрала аус зуа аҟаза
ихатәы хаҿы шимоуа, иара убасҵәҟьа ахатәы хаҿсахьа шамоуа амилаҭтә сахьаҭыхрагьы. Теориала иҟаиҵоз алкаақәа
И. Н. Крамскои инаигӡон ирҿиараҿы. Абри дахырҟьаны
игәаанагарақәа ирыдгылоз иҩызцәақәак наидкыланы, Академиа дҭырцеит. Зхатәы гәаанагара змоу, зхатәы мҩа даныларц зҭаху зегьы ирԥеиԥшу иаргьы иԥеиԥшхеит. Раԥхьаӡа
иргыланы иуадаҩхеит иматериалтә ҭагылазаашьа. Еиҳараӡак
абри ауп изыхҟьоз абеиацәа иара иҟны иҿарҵоз рпатреҭқәа
ҭимхлар ада ԥсыхәа ахьимоуа? Егьа убас иҟазаргьы, И.Н.
Крамскои абраҟагьы имырӡит иара ихаҿра, данымҵит илихыз
амҩа.
И. Н. Крамскои ирҿиамҭақәа иреиӷьӡақәоу иреиуоуп асахьаҭыхымҭа «Ацәҳәыра иқәу Христос» (1872). Абри
асахьаҿы уи ихы иаирхәеит Абиблиа асиужет. Аха ихы
иаирхәеит аҟароуп. Христос ихаҿсахьала аҟаза дааирԥшит
зыжәлар рлахьынҵа иазхәыцуа, урҭ рхьаа зхьаау, ргәырӷьара
згәырӷьароу, зегьрыла иҵоуроу ауаҩы. «Мой бог – Христос,
величайший из атеистов, человек, который уничтожал бога
во вселенной и поместил его в самый центр человеческого духа» ҳәа, – иҩуан асахьаҭыхҩы. Абри иазааигәаноуп
ишаԥиҵаз И.Н. Крамскои егьырҭ иҿыханҵақәагьы. Убарҭ иреиуоуп «Полесиатәи», «Мина Моисеев», «Агәҭахәыцҩы». Аха,
хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, аурыс сахьаҭыхра аҭоурых аҿы И.Н.
Крамскои еиҳарак алагамҭа ҟаиҵеит апатреҭқәа рҭыхраҿы.
Урҭ хыԥхьаӡаралагьы акыр ирацәоуп. Дызхааныз, илалукааша ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, артистцәа уҳәа рпатреҭқәа ҭихит
ҟазара дула, гәыблрала. Урҭҭ апатреҭқәа зегьы иаарылукаартә
иҟоуп ашәҟәыҩҩы дуӡӡа Л.Н.Толстои ипатреҭ. Араҟа иубоит асахьаҭыхҩы еиҳараӡак дхызхыз – иааиԥмырҟьаӡакәа
ашәҟәыҩҩы идоуҳатә усура, аԥсҭазаара реиҳа уадаҩрас иамоу азҵаарақәа, ауаатәыҩса рымҩа азхәыцра. Араҟа насыԥла
еиԥылеит еизааигәаз ҩыџьа асахьаҭыхыҩцәа – руаӡәк
қыцәла, егьи – каламла. Асахьаҭыхҩы ашәҟәыҩҩы ихаҿсахьа
ихы иархәаны ихатәы гәҭыха аҳәара иқәымшәаӡеит, ииҭахыз
акы заҵәык акәын – ашәҟәыҩҩы идунеи иашаҵәҟьа аарԥшра,
уи аиаша иара, асахьаҭыхыҩгьы иашас имаз акәын. Ҳәарада,
апатреҭ ахьырҿиамҭа духаз, иахьагьы ашәҟәыҩҩы иреиӷьӡоу
ипатреҭқәа иахьреиуоу зыбзоуроугьы абри ауп.
Исахьаҭыхра аамышьҭахьгьы ирҿиамҭаҿы И.Н. Крамскои
иҭынхеит аҟазара аҿиаразы акырӡа зҵазкуа даҽакгьы. Уи ина327
лукааша сахьаҭыхратә критикын. Аӡәырҩы асахьаҭыхыҩцәа
рзыҳәан иҩны инижьит астатиақәа, агәалашәарақәа, асалам

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3343Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3260Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3251Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3279Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3334Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3379Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3435Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3357Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21870.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3365Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3377Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21620.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3298Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3263Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22070.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3298Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3296Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21890.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3260Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3311Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22960.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3408Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3367Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3357Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3305Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20540.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3288Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3251Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3333Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3272Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3288Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3349Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21890.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3314Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3326Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 22Unikal süzlärneñ gomumi sanı 200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.