Latin

Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18

Süzlärneñ gomumi sanı 3298
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2271
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
мариоуп. Автор иҩуамызт аԥсуа театр аҭоурых. Уи итема,
ихықәкы даҽакын. Аха… аха зысҳәо рыцҳарак ыҟоуп араҟа.
Ашәҟәыҩҩы иаԥиҵаз ақьаадаҿ иаанхоит. Иԥсы ахьынӡаҭоу
иҩымҭа ахәшьара амоукәа, еилкаамкәа инхаргьы мышкызны
иаԥхьо, изыԥсоу ала ахә зшьо дҟалоит. Убас иҟоуп амузыкатә
рҿиамҭагьы, убас иҟоуп аҿыханҵаратә, аскульптуратә уҳәа,
асахьаҭыхыҩцәа раԥҵамҭақәагьы. Убри аҩыза иалхәдоуп
атеатртә ҟазара. Уи ҿыҭбжьык иаҩызоуп, аӡәгьы ианимаҳа,
баша аҳауа иналаӡ ицоит аҿыҭыбжьы. Шаҟаҩы артистцәа
ахаҿсахьа бзиаӡақәа аԥырҵаны, арежиссиорцәа аспектакль дуқәа ықәыргыланы уаҩы игәаламшәаӡо, аҭоурых
иазнымхаӡакәа ибжьаӡхьоузеи.
Араҟа усҟак иаҭыԥымзаргьы, хәаԥшҩык, атеатр
азыгәблҩык иаҳасабала, сагьрыҳәоит, сагьазыԥшуп ҳтеатр
ахацыркҩцәа, иналукааша ҳактиорцәа дуқәа ргәалашәарақәа
рыҩларц. Аӡәы заҵәык, Шәарах Ԥачалиа иаамышьҭахь, убри
аганахьала аӡәы акы иҩны исгәалашәом. Абарҭ иаҳҳәаз
ахшыҩҵакқәагьы ирыдкыланы ҳаназхәыцлак, изыԥсоу
ҳаракхоит А. Аргәын ишәҟәы.
Ҳазну аамҭазы ҳаԥсуа театр артистцәа рганахьала, ԥасаԥаса аасҭа, иаҳа аҽеибнаҭеит. Иҟоу арежиссиорцәа аҩыџьа
аспектакль бзиақәагьы ықәдыргылахьеит, абаҩхатәра шрылоугьы шьақәдырӷәӷәахьеит. Аха имаҷуп ҳрежиссиорцәа
рхыԥхьаӡара. Аӡәы илшоит амҩақәҵара, атеатр ахырхарҭа
алхра, аха ахырхарҭа рыҭаны, арҿиаратә мҩа ду ианиҵаша
арежиссиорцәа, ианамуӡах хҩык, ԥшьҩык имамзар, амҩа
иқәиҵода, ахырхарҭа зиҭода? Абас рҭагылазаашьа шыҟоугьы,
ирылшоит ҳәа агәра ахьааго аҟнытә, иҵегьы аус руроуп
ҳрежиссиорцәа, ҳзыхцәажәо ашәҟәы иранаҳәоит изакәытә
спектакль дуқәаз аԥсуа театр асценаҿ ицәырҵқәахьаз.
Иахьатәи ахәаԥшыҩцәа, еиҳарак еиҵагылаз аҿар,
аӡәырҩы ахааным, ирыздыруам А. Аргәын ишәҟәы зызку Екатерина Шакирбаи, Анна Аргәын-Коношок, Минадора
Зыхәба, Михаил Ақаҩба, Разынбеи Агрба, Азиз Агрба, Леуарса
Касланӡиа, Шәарах Ԥачалиа дара реиҳа ианрааз рбаҩхатәра
ашәҭымҭа ианҭагылаз аамҭазы иаԥырҵаз ахаҿсахьақәа, насгьы урҭ рҟнытә ҩыџьа, Азиз Агрбеи Шәарах Ԥачалиеи актиорра аамышьҭахьгьы, иахьрежиссиорцәаз аҟнытә, ахәаԥшыҩцәа
акыр шықәса ирхамышҭуа иқәдыргылаз аспектакльқәа.
Иахьатәи актиорцәа ҿарацәеи арежиссиорцәеи рзыҳәан
урҭ рыԥсҭазареи рырҿиамҭеи хәы змам ҿырԥшыга дууп.
Ҳәарада, иахьа асценаҿынтә иҳәатәу ашәа даҽакуп, иахьатәи
ахәаԥшыҩцәа зынӡаск даҽа уаҩуп, убри иахҟьаны арежиссурагьы актиортә ҟазарагьы рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа
даҽакхеит, иаҳа иҳаракхеит, иаҳа иҵаулахеит. Аха егьа аамҭа
царгьы, атеатр аҿаԥхьа егьа зҵаара ҿыц цәырҵыргьы, наунагӡа
иҿырԥшыганы иаанхоит хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ҳартистцәа
дуқәа рырҿиаратә ԥсҭазара, урҭ атеатр – рус хада, рыԥсы
ахҭнырҵо бзиа ишырбаз, егьа уадаҩра, мыҟәмабара, залымдара иақәшәазаргьы, атеатр камыжькәа ишааргаз. Убри амҩа
ккаӡа уаннарԥшылоит, абарҭ, хыхь исҳәаз агәаанагарақәагьы
узнарҵысуеит ашәҟәы «Абаҩхатәреи агәаҳәареи».
Иналукааша ҳактиорцәа ирызку ари ашәҟәы иану
аочеркқәа ҩуп исахьарку ажәала. Рызегьы неибанеиԥшны
напҟазала иҩымзаргьы, очеркқәак сахьаркыратә ҩымҭак
еиԥш урыԥхьоит. Амала рызегьы неизакны урыԥхьаны уаналгалак, автор дзыхцәажәо ҳҟазарақәа руак аусзуҩцәа иаҳагьы
пату рықәуҵо, изыԥсоу иаҳагьы иудыруа уҟанаҵоит. Убас,
артистцәа руаӡәк. Азиз Агрба уажәы Д. Гәлиа ихьӡ зху апремиа иҭаразы дықәгылоуп. Аҳамҭа ду дшаԥсоуи дызлаԥсоуи
сырзааҭгыланы салацәажәом. Иааркьаҿны, инасымҩатәны
акәзаргьы абраҟа исҳәо убриоуп, А. Аргәын ишәҟәаҿы уи
актиор ду, арежиссиор, изкыз аочерк санаԥхьа даҽазнык
агәра згеит Азиз Агрба хымԥада зыӡбахә ҳәоу апремиа иҭара
шахәҭоу, дагьшаԥсоу.
Агхақәеи абзиарақәеи хыхь исҳәаз инарываргыланы
аҵыхәтәан, сажәа саналго ҩ-зеиӷьашьарак нацсҵар сҭахуп.
Арҭ аочеркқәа ҭыҵхьан қырҭшәала, уажәы инеидкыланы
иҭыҵит урыс бызшәала. Ахәшьара ҳаракны иаҭаны ашәҟәы
аԥхьажәа иҩит аҟазараҭҵааратә наукақәа рдоктор, апрофессор Г. И. Гоиан. Ҳәарада, урҭ абызшәақәа рыла иахьҭыҵыз ус
бзиоуп, ус дууп, аха аԥсуа хәаԥшыҩцәа, аԥсуа ԥхьаҩцә ирымазар бзиан аочеркқәа дара рхатәы бызшәала, ҩбагьы асеиԥш
иҟоу аочеркқәа ирыԥсоу, зыхҳәаара ахәҭоу артистцәа иҵегьы
ҳамоуп. Иаҳҭахын убарҭ рзыҳәангьы иҩыр, уи аҩра шилшо
агәра ҳзыргаз А. Аргәын.
«Аԥсны ҟаԥшь», 1977

АМШЫН, АҬОУРЫХ, АԤЕИԤШ
(«Болгариатәи амшынҵа» аҟнытә)
Аныҟәарақәа раан иҟарҵало анҵамҭақәа, шамаха, зегьы алагоит амҩа иқәларц азыҳәан аҽеиқәыршәара ишаҿыз,
ирҭаххақәаша ишрышьҭаз, ишырԥшааз, ма ишырмоуз, нас,
ҳгәы архьыухьыурц азыҳәан, рҭынхацәеи дареи реиԥырҵра
иналацәажәоит. Уи аиԥырҵра еиҳарак имҩаԥысуеит
аҳаиртә баӷәазаҿы, мамзаргьы адәыӷба аанҿасырҭаҿы.
Абри, ишьақәгылахьоу атрадициа, ицәгьоуп ма ибзиоуп ҳәа
ахымҳәаакәа, ҳара иаҳҭахуп, аешьаратә ҳәынҭқарра Болгариа иҟаҵоу анҵамҭақәа ҳрылагарц иара уаҟа, ҳахьнеишаз
ҳаннеи инаркны. Уи мацара акәымкәа, еилаҳгап даҽа традициакгьы. Ҩымчыбжьа ҳахьыҟаз иаабаз, иҳаҳаз абзиарақәа
зегьы рҳәара ҳаламгакәа, иаҳгәалаҳаршәап иналкааны мышкы, иналкааны ҭыԥк. убри аҭыԥ арбану? Болгариа збахьоу, ма
шәҟәы-быӷьшәыла издыруа, ҳәарада, Софиа ауп иҳәашт, избанзар, сасра уахьнеиз, аԥшәма думбар иаҩызоуп, уахьнеиз
атәыла аҳҭны қалақь авсра. Араҟоуп жәытәнатә аахыс амилаҭ
идырҿиахьоу аматериалтәи адоуҳатәи культура ахьеизаку,
иахьубарҭоу, иахьуаҳарҭоу. Мықә ауахәама угәалазыршәо
ауахәама ахьгылоу, Софиа анакәмха узлацәажәо, хымԥада, арҭ
анҵамҭақәа Варна иазкуп, избанзар, еицырдыруа қалақьуп, еицырдыруа курортуп иҳәашт. Мап, аԥшӡа ссир Софиа, аеҵәара
иҭалаҳаны, ажәытәтәи архитектуреи аҿатә архитектуреи
узеиҟәымҭхо еинрааланы иахьеиларсу, аӡыцәақәа тәарҭас
иахьрымоу Варна абаҳчақәеи ааныжьны, ҳара ҳанҵамҭақәа,
ҳагәҭахәыцрақәа рзаҳкырц ҳҭахуп Албена.
Ахьӡ анаҳҳәаҵәҟьа, ҳажәа ҳаԥыҩланы, иаҳгәалаҳаршәап,
уи ахьӡ иадҳәаланы хәылԥазык абраҟа иҳамаз аицәажәара.
Абна-ккара инагәылахаланы, хыбрас ажәҩан ҳхагыланы,
«Староболгарски стан ресторан» аҟны ҳтәан еицырдыруа
ашәаҳәаҩы, «Ахьтәы Орфеи» ҩынтә изанаршьахьоу Михаил Белчеви ҳареи. Уи игәаларшәаны далацәажәон Аԥсны
даныҟаз игастрольтә концертқәа шымҩаԥысыз. Даҳхагьежьуа
ҳамаҵ луан ахәыҭаҩ ԥҳәызба. Лыԥшра-лсахьа мацара акәым,
лԥышәарччалашьагьы уи даарӡа дреиԥшын аԥсуа ҳәса
хәыҷқәа. Дҿаԥха-ҿаччо фатәы-жәтәы ҳәа уаҳа акыр шәҭахума
ҳәа данааҳадгыла:
–Абас ибзианы ҳамаҵ ахьыбуа азыҳәан баҳныҳәарц
ҳҭахуп, –иҳәеит Михаил. Лафҳәаҩык иакәын иара.
–Дабаҳныҳәо, лыхьӡ ҳаздырӡоме, –сҳәеит сара.
–Сара Албена сыхьӡуп–лҳәеит лара, лныҳәаҿа
ахьаажәуаз лгәы иаахәаны.
–Ҳкурорт қалақь ахьӡ шәыхьӡызаап, –сҳәеит.
–Иара ахьӡ сара исыхьӡым, аха сара сыхьӡ иара иахьӡуп,
–лҳәеит ларгьы лажәақәа алаф рылаҵаны. Сара, уи лафны
илҳәаз џьысшьеит, аха ашьҭахь еилыскааит, ииашаҵәҟьаны
реиҳа имилаҭтә хьӡыз аԥҳәыс хьӡы шахьӡырҵаз ҳара ҳаамҭаз
ииз ари ақалақь. Иԥшӡоу хьӡуп, алирика аҵоуп.
Сара сазхәыцуан Аԥсны аҳҭны қалақь. Аԥсшьаҩцәеи
араҟа инхо ақалқь уааи реизыҟазаашьаҿ изызхәыцым
шьарда ирацәоуп. Ааглыхра ахьҿио, акультура иахьазҳауа,
административтә центр ахьыҟоу ақалақь аҟны асҟак ира­
цәаны аԥсшьарҭа ҩнқәеи атурбазақәеи рыҟаҵара иашамзар
ҟалап. Ԥсшьара иаауа иҭахуп амузыка, акәашара, зынгьы ибжьы нҭыганы ашәаҳәара, игәы аԥсы ашьартә иаамҭа ахгара.
Уи рԥырхагоуп араҟа инхо, иаашар усура ицо аџьажәлар. Аҟәа
ақалақь аҟны аԥсшьаҩцәеи инхои иахьеилахаз иахҟьаны, адә­
қьанқәа урзыҩналом, автобусқәеи атролеибусқәеи узрықә­тәом,
аочеред уахәом, аԥшыха уара иумам, избанзар уԥсшьаҩым,
усура уццакуеит. Абарҭқәа уамак зҭахымыз, ибзиаӡаны иазхәы­
цит аболгарцәа рҿы. Акурорт қалақь – акурорт мацара иазкуп.
Акурорт амаҵ азызуа раамышьҭахь, уаҩгьы дынхом уаҟа, аа,
иаҳҳәап, ишыҟоу еиԥш ҳара ҳҿы Пицунда.
Аболгарцәеи аԥсуааи, ҭоурыхла ҳахьеиԥшқәоу рацәа­
ӡоуп. Уи зыхҟьаз раԥхьа игылоуп Амшын Еиқәа. Аԥсуаа ҳаиԥш,
аболгарцәа рзыҳәангьы акырынтә аӷацәа ӡыхнагахьан
ам­шын. Аԥсреи абзареи иҭадыргылеит аҭырқәцәа. Шәы­
шықәсала Болгариа иахаԥан Османтәи аимпериа. Уи ирзаанагаз ашьеи алаӷырӡи аԥсуаа ирзеиҭаҳәатәым, избанзар
ҳаргьы иаҳхаагахьеит. Иҟалон аболгарцәа, Христо Ботев
ишиҳәаз еиԥш, иҟаӡамызшәа адгьыл ианыӡааргьы, аурыс
ҳәынҭқарра акәмызҭгьы. Аурыс ир ҟалеит аболгарцәа рзыҳәан
иԥсеиқәырхаганы. Абри сазхәыцуан сара Шипка ахәаџа
санықәгылаз. Араҟа иқәгылоу абааш ҩ-жәларык рыешьара иасимволуп. Ҳаҭыр ду рықәҵауа, аболгар жәлар ирхадыршҭуам
аурысцәеи дареи реиҩызара зырӷәӷәоз иналукааша аҵеицәа.
Урҭ рзыҳәан иргылоу баҟак анызбалак, сара исгәалашәон
Аԥсны Урыстәыла адҵара зхы ақәзҵаз аԥсҳа илахьынҵа…
Болгариа аҭырқәцәа ирымпыҵыҵижьҭеи шәышықәса
ҵит. Милаҭтә ныҳәа дуны иазгәарҭеит абри ахҭыс. Ахақәиҭра
азыҳәан рықәԥара иазкны акино ҭихит Николаи Машьченко. Иазгәоуҭаша, убри арежиссиор иоуп изҭыхымҭоу
раԥхьатәи аԥсуа телехәаԥшратә фильм «Арҿиара». Абри
афакт иҳанаҳәо рацәоуп. Амилаҭ дуқәа, зылшареи зкультуреи
иаҳа иҿиаз, амилаҭ хәыҷқәа рахь иҟарҵо ацхыраара аҟны
акәхап раԥхьаӡа иргыланы иахьааԥшуа аинтернационализм,
иахьааԥшуа ленинтә милаҭтә политика.
Ҳазыхынҳәып Албена. Шәахыччаргьы, избаз, исаҳазоуп
исҳәо. Ашара адәы ианаақәлоз, аҽада аҟаабжь саанарԥшит.
Алу Қьааба иугаргьы, лагара агхом ҳәа араҟа сахьааизгьы,
аҽада аҟаабжьоума исаҳауа сҳәан асасааирҭа аԥенџьыр
салԥшны санынаԥш, Ешыратәи ахәаџақәа иреиԥшыз ахәаџа
анаараҿы иҳәуа иаҿан аҽадақәа. Ашьҭахь сыблала избеит убарҭ аҽадақәагьы аԥсшьаҩцәа рымаҵ аура ишазкыз.
Аҽадауардын (ус уҳәар ауазар) инаҵаркуеит. Абилеҭ ахә
шәаны унақәтәоит. Акурорт қалақь аҩнуҵҟа уцоит иахьуҭаху.
Ахәахьы сыҩхалан, асасааирҭақәа срыхәаԥшуа сгылан.
Избахьоу аҟазацәа ирҳәоит, Европатәи акурорт қалақьқәа
иреӷьӡақәоу ируакуп ҳәа Албена. Изла? Раԥхьаӡа иргы259

ланы архитектура аганахьала. Хыхьынтәи уанрыхәаԥшуа,
ашьха хәаџақәа иреиԥшнушьалоит асасааирҭақәа. Иаҳа
урзааигәахар, Египеттәи апирамидақәа угәаладыршәоит.
Зегьреиҳа бзиарас ирымоу, иӡбоуп рхатәы стиль ала, даҽа­
џьара иубом урҭ иреиԥшу аҩнқәа. Ашәҟәыҩҩцәа аӡәи-аӡәи
узеиҩымдыраауазар, изуҭахузеи ирацәаҩны ашәҟәыҩҩцәа.
Дазхоит аӡәы. Убасоуп архитекторцәагьы. Сара уи сазҟазам,
аха акырынтә сазхәыцхьеит Аҟәа идыргыло аҩнқәа рархитектура. Кәтык иаҵаз акәтаӷьқәа реиԥшоуп аҩнқәа
реиҳараӡак шеиԥшу. Аа, уажәы лассы-лассы акьыԥхь аҟны
иалацәажәоит Аҟәа азааигәара Маиак аҳабла курорт ҭыԥны
аҟаҵара. Аҳҭны-қалақь, административтә-ааглыхратә центр
азааигәара усеиԥш иҟоу акурорттә комплекс аҟаҵара иахьын­
ӡаиашоугьы уаҩ дазхәыцыртә иҟоуп, аха сара араҟа зыӡбахә
сымоу, џьарамзар џьара статиак аҟны иуԥылом уи, идыргыларц иззықәԥо акурорттә комплекс, архитектура аганахьала
оригиналла аӡбара, даҽакы излеиԥшымхаша, ахатәы хаҿы
шоуша азхәыцра.
Аекскурсиа ҳзымҩаԥигон арԥыс қәыԥш Пиотр Матев.
Иџьашьаны ҳаизыӡырҩуан, убас ибзианы идыруан имилаҭ
рҭоурых, ретнографиа., Болгариа зегьы аекономика. Уии сареи
ҳаицәажәарала еилыскааит ҳарҭ, акурорттә республикақәа
ҳзызхәыцша акы, Софиатәи ауниверситет аҟны иҟазаап аекскурсиа мҩаԥгара иазыҟазҵо афакультет. Ахԥатәи акурс
инаркны, астудентцәа аекскурсиа амҩаԥгара иаладыргоит.
Дарбанзаалакь астудентцәа зегьы ҩба-хԥа бызшәа ддырҵоит.
Уаҩы изымԥшаар ҟаларын Болгариа иазкны зҵаарак уи аҭак
изыҟамҵоз.
Болгариа аамышьҭахьгьы аҳәаанхыҵҟа сцахьеит, аха
сахьыҟазаалак исхамышҭуа ҷыдарак рыдызбалеит аболгарцәа.
Уи аҷыдара саныхәыҷызгьы игәасҭахьан. Аха сгәы иаанагон ус­
ҟан ҟазшьас имоуп аӡәы. Араҟа еилыскааит ишмилаҭтә ҟаз­шьас.
Аҭара ақыҭан, Аҭара Ахәы ҳәа иахьашьҭоу аҳаблаҿ иҟоуп ҭыԥк
Чачаа рашҭа ҳәа, Аԥсны аҳцәа иртәарҭан, ирынхарҭан убраҟа.
Абри, Чачаа рашҭа аҵыхәахьшәа, Кәыдры ахықә инықәырххны
нхаҩ бзиак иҵанакыша аҟара адгьыл Аболгар иқьаԥҭа ҳәа
иашьҭоуп иахьагьы. Ҭаацәарак аболгарцәа нхон убраҟа. Сара
исыздыруам урҭ Аԥсныҟа ианықәнагалаз. Иҟаларын, аԥсуа
мҳаџьырцәа рцынҵәарахқәак Болгариа ишнанагаз еиԥш,
ҳлахьынҵа злахьынҵахаз дара аболгар мҳаџьырцәақәакгьы
Аԥсныҟа иқәнагалазар. Сара сихаануп уаҟа инхоз аболгар
руаӡәк. Даараӡа уаҩ ҭынчын убри. Дцәажәаӡомызт. Амала
данцәажәоз ихиҿы зегьы ихалашауан. Гәыразрала иҭҭәаауан
илакыҵақәа. Исгәалазыршәаз, абри аҟазшьа рыдызбалон
араҟа, Болгариа сахьааиз, шамаха, саазацәажәоз аболгарцәа
зегьы. Еиҳарак рлакыҵақәа ҵлашаауеит, рқьышә аччаԥшь
ԥшӡа ықәлоит уахьатәиу анроуҳәалак. Уи егьџьашьатәӡам.
Асовет ар роуп афашизм рыхҳәаны, ахақәиҭра рзаазгаз. Иара
абраҟа Албена азааигәарагьы асовет солдаҭцәа шаҟаҩы
рнышәынҭрақәа ыҟоузеи!
Ҳгәыԥ иалаз ҩыџьа Болгариатәи ақалақь Толбухинаҟа
ицаны иҟан ҽнак. Аҳәаха рибамҭо ус ҿаарҭит ианыхынҳә:
– Атакси маншәаланы ианҳамԥыхьамшәа, хатәы машьынак аанкыланы ҳашцоз, автоинспектор ҳааникылеит. Ашофер
аштраф ииршәарц дшаҿыз, ҳара ҳашсовет уааз иаҳҳәеит.
Дҳаигәырӷьеит. «Асовет тәылаҿы инхоит сара сызхылҵыз
амилаҭ – аԥсуаа» иҳәеит уи. Ҳара иаҳҳәеит ҳгәыԥ аҟны аԥсуаа
шыҟоу. Ижәла ҳаиҳәан абар ианаҳҵеит – «Авицба», –рҳәеит.
Дшырбаз дахьырбаз, дзеиԥшраз, уаҳа ииҳәаз ҳәа акакала сразҵааит. Аԥсуаа дшырхылҵыз идыруа, аԥсуа жәлагьы
ижәланы дабаанагеи араҟа? Ашьҭахь сназхәыцит аҭоурых.
Ҳҵарауаҩ Г. А. Ӡиӡариа излеиҩуала, амҳаџьырра иагаз
аԥсуаа ԥыҭҩык Варна иӡхыҵит. Хымԥада, убасҟантәи аԥсуаа
ирхылҵыз аӡәы иакәын избаз. «Авицба» ҳәа ажәла ыҟам,
аха иҟалап, иара ииашамкәа иҳәазар, мамзаргьы ианызҵоз
ииашамкәа ианырҵазар. Аҩӡба акәхарын. Дшаԥсыуоу анидыр, насгьы имлаҭра игәаҿы имыцәацзар, хымԥада Варна, ма
Толбухин ааигәа-сигәа џьара инханы иҟазар ҟалоит аԥсуаа.
Шаҟа еидысхәыцлаз иазаауазеи, адырҩаҽны амашьына аанкыланы сцеит уи дахьырбаз. Сҵааит сыԥшааит, аха иԥшаара
злацәгьахаз, акы, ижәлаҵәҟьала ашәҟәы данымзар ҟалон,
Ҭырқәтәылан инхо аԥсуаа реиԥш, ҩбагьы, милаҭс дзеиуоу –
аԥсуа ҳәа џьаргьы дарбам. Уаҳа дысзымԥшаагәышьеит.
Аресторанаҿ ашәа иҳәон Михаил Белчев. Уи иашәақәа
руак изкын аҭырқәцәа дырҿагыланы ақәԥараҿ иҭахаз
аболгар ҷкәын. Ҩ-уск рҟны еиԥшызаап ауаатәыҩса зегьы.
Агәырҩа зегьы рзыҳәан илаӷырӡуп. Иччаԥшьуп зегьы рзыҳәан
агәырӷьара. Аԥсуа ҷкәынак иашьа аҭырқәцәа дыршьыр
игәаҟра ашәаҳәарала ишихигарыз, убасҵәҟьа иҟан аболгар
шәаҳәаҩ иашәаҳәашьагьы. Уи иашәа исгәаланаршәон аԥсуаа
ҳҭоурых, иаҳхаагахьоу агәаҟрақәа. Срызхәыцуан уажәы Аԥсны
инхо аболгарцәа. Акыр ашәышықәса зыԥсадгьыл иақәиҭымыз
ажәларқәа, милаҭс изеиуазаалакгьы, раашәақәа, ражәабжьқәа,
рфольклор, акырџьара рхәыцшьақәа, рԥсихологиа уҳәа зегьрыла анык илыхшазшәа еиԥшхоит, еизааигәахоит.
– Абасҟак иҿиаз акурорт шәмилаҭтә традициақәа
ирԥырхагоу? – ҳәа сиазҵааит Михаил, иашәа ҳәаны данаалга.
– Ҳаҷкәынцәа, ҳаӡӷабцәа, изааӡарызеи ибжьнахқәоугьы
ыҟоуп. Аха уаҳа ԥсыхәа ҳамам. Ҳмилаҭтә лагала абжеиҳарак
ахьынтәаауа акурортқәа рҟнытә ауп,– иҳәеит уи, нас лафны дааччан, ус инациҵеит. – Аа, умбои, абни аҽадагьы ҳара алагала
ҳнаҭоит. – Инапы нақәикит «ҟырԥ-ҟырԥ-ҟырԥ» ҳәа ашьаҿақәа
рыссаны еихго, илеиҩеирц, иԥшыхьырсырц ауаа зықәтәаз
аҽадауардын зманы инеиуаз аҽада. Гха дуны ихьгәышьеит,
дызмилаҭыз изеилымкаауа, аԥсуак аҽада дақәтәаны даауан
ҳәа А. П. Чехов иахьиҳәаз. Аԥсуа изыҳәан аҽада ақәтәара
аҵкыс еиҳау цәаԥҽыга ыҟам.
Акурорт амаҵ аура анаҳҳәа, абраҟа исаҳаз даҽа ҿыцкгьы
салацәажәарц сҭахуп. Софиатәи аконсерваториа аҟны иҟоуп
аестрадатә шәаҳәара иазку афакультет. Даҽа тәылакаҿ
иуԥылом ари. Уаҟа иалгаз, еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа, жәлар
рартистцәа, хәылԥазыла ашәа рҳәоит аресторанқәа рҿы.
Аха иҳәатәуп, урҭ акрыфара-крыжәырҭақәагьы ҳара ҳҟны
иахьеиԥшым шырацәоу. Иааԥымҵәаӡо аныҳәаҿақәа дәықәҵо,
аҩы еибаршьуам, ажәала ргәы ԥибаҵәом. Игәыԥсыршьагоуп
араҟа аресторанқәеи асамықьҭанқәеи. Иреиӷьу аконцерттә
зал аҟны иуаҳаша ашәақәа араҟа иуаҳауеит. Аҵх ашарахь
инаскьаанӡа, шәтәаны ижәжәуазаргьы аӡәгьы дышәԥырхагам.
Абарҭқәа зегьы ианрыцлалак амшын, ашьха ҳауа цқьа, амра
каԥхара, убасҟаноуп уаҩы ианиҳәо аԥсшьара бзиа ҳәа. Гәылаԥсыла, цәала-жьыла аԥсшьара бзиа зҭаху дцааит Болгариа.
Ҳаԥсшьара мшқәа ниасит иҳамбаӡакәа.
Мшқәак анааҵ амҩа ҳақәлеит Румыниаҟа.
«Аԥсны ҟаԥшь», 1978

АЖӘАК АУП ИҲӘАТӘУ – ИҬАБУП
Ахшара рацәаны измоу, анхара-нҵыраз аӡәы ишьҭахь
игылам нхаҩуп сымҩалаҩ Пиотр Кәаӡба. Уи иқыҭа Ԥсҳәы
аҭоурых шәҟәыда-быӷьшәыдоуп ишидыруа. Баша исымҳәеит
«ахшара рацәаҩны измоу» ҳәа. Ихшара ԥхьаҟатәи рԥеиԥши
иқыҭа гәакьа алахьынҵеи еидҳәалоуп иара изыҳәан, аӡиас
ахыҵхырҭеи анҵәамҭеи шеидҳәалоу еиԥш. Агәаҭара мариан, еинышәашьа рымамкәа, игәаҿы ишеиҿагылаз ҩ-гәҭыхак.
Ақыҭа ҳалсны, наҟ, нхыҵҟа ҳхы рханы ҳнеиуан. Амҩа
сацәхымҟьарц снаскьеигон, нас сцар акәын схала. Сыццакуан, абна ҭызго машьынак сзахьӡандаз ҳәа. Сара, амҩасҩы,
гәҭыхас исымаз акы акәын, абрахь, Ԥсҳәы агәахьы, иҵегьы
иналганы лбааҟа, Рашаҩа, Грыбза, Беҭаха ҳәа иахьашьҭоу
аҳаблақәа рахьгьы иааргандаз амашьына мҩа. Абри анысҳәа,
уамак игәамԥхазшәа збеит Пиотр. Ашьҭахь ус ҿааиҭит:
–Иумаҳаӡаци аԥсуа жәаԥҟа ыҟоуп, акамбашь иагьа­
цәаӷәоит, иагьакәаҳауеит ҳәа? Убас ацәгьагьи абзиарагьы
еиҟароуп убри, амҩа ҳәа узҿу. Аибашьра алагамҭазоуп Ԥсҳәы
аҳаирплан ԥырны ианаа. Уинахыс ӡынгьы ԥхынгьы ақалақь
ахь ҳамҩа аатхеит. Ҳамҩа аатуп амш анбзиоу. Ажәҩан
еимаҳаны ианшәшьу? Иаалырҟьаны ауаҩы дычмазаҩхар,
дыԥҟатәхар? Машәыр бааԥск ҟалар, усҟан ишԥаҟаҳҵои?
Изхысҳәаауа, ибнакхьоу абрагьҩык иакәымзар, зхы зтәу,
дызусҭада амҩа иамеигәырӷьо. Аа, шықәсыкгьы ҵуам ахыу
ҳәа амашьына аакылсижьҭеи Ԥсҳәы ақыҭаҿы. Унақәтәа,
уца Риҵанӡа, нас уаантәи автобусқәа умоур ҳәа ушәома!
Аха иугәаларшәа сажәа саналагоз исҳәаз ажәаԥҟа. Абзиара
иаҳзаанагаз ацәгьарагьы ацуп амҩа. Уи иаанагаз, иҟанаҵаз
Риҵа унаӡаанӡа иубап. Сара иуасҳәо акы заҵәыкоуп. Ақалақь
аҟны мода ҿкны ирылало амаҭәа мацара акәу џьушьома.
Аҩнашәқәа, аԥенџьырқәа ирылыԥшааху ӷәла аҟаҵарагьы ҿкны
ирылоуп. Уажәы, убас ихҭаркыз ҵлақәоуп ааҵлеи араҵлеи.
Аҩҵлахкыкгьы рыԥҟара ҟалом, изаҳауада, уи иаххәыцуада
акәымзар. Ԥаса уаҩы иԥиҟомызт, иԥиҟаргьы гашьа амамызт
Аҟәаҟа. Убарҭ аҵлақәа ирыԥсцәаҳаха иаакылсит амашьына.
Аԥсқьарцәа ашәарыцараҿ мацара акәу џьушьома иахьыҟоу,
абнаӷьычыҩцәа ҿиеит. Зыԥҟара азин ыҟоу аҵла ааԥҟаны хыхь
инақәырҵоит, ҵаҟа инаҵарҵоит ааҵла, ммамзаргьы араҵла.
Ауаса ақәыџьма ишацәумхьчара ихьчалатәхеит.
Ақыҭа ҳалҵны ҳанынаскьа, ҳаиԥырҵит Пиотр Кәаӡбеи сареи. Дцеит иара ишьхымзагәарақәа рахь. Сарҭмаҟ сазқәынҵа,
аккара еизхашьшьыра сыҵаланы снеиуан. Игәасҭаз, Ԥсҳәы
акәша-мыкәша иџарџаруа еилагылоу аҵлақәа инеибеиԥшны
зегьы қәыԥшқәоуп, зықәрахь инеихьоу уаҩықәрак иеиҳа
рхыҵуам. Маӡас иаҵоу аилкаара мариоуп. Абар ахаҳәгәарақәа,
иахьагьы арахә ахьызхымҵқәо ыҟоуп. Абри ахаҳәгәара уҭрак
иакәыршазар акәхарын, анаҟа жәгәаразар ҟаларын, иаҳа
иҭбаауп. Инхон-инҵуан зықьҩыла амҳаџьырра иагаз. Убарҭ
рышьҭахьоуп абас абна анеиҵагыла.
Ҵыхәаԥҵәара амаӡам амҩа. Сналбаауеит, сынҭысуеит,
арҩашқәа срыруеит. Сабшалоуп автобус хәыҷы, араҟа «коробочка» ҳәа изышьҭоу анаауа. Уаанӡа сзыԥшуам, насгьы
сааныҟәақәар сҭахуп. Абнаԥҟаҩцәа рмашьынақәа ахьаауанӡа
шьапыла ицатәуп. Акыр снаскьахьан. Ԥсҳәы ахахьӡа убас
лаӷәымк тҟәацит, абӷаџьма аԥа канаршәыртә. Абна аҭгаразы
амҩа ҿыцқәа ахьаҿырго идырбгоит. Амашьынамҩа… Абна­
ԥҟара… Акәаӡба исеиҳәақәаз… Акгьы сзазхәыцуам. Хәба…
Жәаба… Жәохә… Шаҟа километр саахьоузеи! Сзынаӡандаз
абнаԥҟаҩцәа рҿынӡа, нас уаха уаҟа сыԥхьарын. Иааигәаны
иго иалагеит атрактор ашьҭыбжь, аихашьҭыбжьқәа. Абар
дар­­гьы, абнаԥҟаҩцәа. Иҟарҵо ахьынӡаиашоу, иахьын­
ӡабзиоу уазымхәыцыр, дарбану иџьазымшьара, ихнамхра урҭ рфырхаҵара! Изакәу еидара хьанҭоузеи ирықәу
амашьынақәа, насгьы шаҟа ишәарҭоузеи изҿысуа амҩа!
Ахәархь ашьҭыбжь ахьго сыҩхалеит. Изакә махәаршьахәарқәоузеи, дзакәытә уаҩы ӷәӷәозеи зымч абна илаӡуа.
Урҭ шаҟаҩы ыҟада! Ҩыџьа ахацәа ирымгәыҵамӡоз, уаҵаԥшыр
ухылԥа ухашәартә иҳаракыз ҵлак днадгылеит ихәархь кны.
Ашьапы ианҩыҵирҟа анаара шыҟаз илҭалеит. Ҵаны, иара
иԥҟатәуп ҳәа знырҵахьаз ҵлан, ахаҭа зԥырҟазеи узҳәомызт.
Аха иҟанаҵазеи ианԥырҟанахыс! Иаҵагылаз аҵла ҟатақәа
ҟәыбаса еиланажьит. Уаҟагьы иаанымхеит аԥхасҭа. Атрактор
«гусеничныи» ҳәа изышьҭоу, анаара иаҿаланы аҿаанахеит.
Иахьаауазгьы абна шаҟа аԥхасҭа анаҭоз азмырхакәа, ашәҵла
ҟиарла иаханы, иама ахылаӷьара иҭаланы аҿынанахеит. Ҩбахԥа километр убри аҵла дуӡӡа рҳәазаны иагон. Атракторгьы
ахьықәсыз, убри аҩыза аҵлагьы ықәырҳәазаны иахьагаз, адгьыл зеиԥшрахаз, алмҩанык аҵла ҟатақәа игылаз ирзаанагаз,
акыр шықәса ҵла мгылахуа ишыҟанаҵаз, сара исымҳәаргьы,
идыруп. Убас шаҟаџьара иҭыргозеи абна, шаҟа нызқь кубометр ԥырҟозеи аԥсуа шьхақәа рҿы! Џьара аҵлақәа арҩеит
асолиарка икаҭәаз, џьара ишакәым амца рцәакит, иблит,
џьара амашьынамҩа аҟаҵараҿы акыр километр инеизаакны
абна дырхит, иҵырхит. Ҿык, бзык ирызҳәом, гәаҵәа зызҭоу
рыцҳашьарада дзахәаԥшуам. Аҵкыс еицәамзар, еиӷьымызт
адырҩаҽны избаз.
Амашьынаныҟәцаҩ излеиҳәаз ала, ҩажәихәбаҟаҩажәижәабаҟа тонна абна ҩақәырҵеит амашьына. Ҳҩыџьа
акабина ҭбаа-ҭыцә ҳанҭатәеит. Ашьҭаларҭагьы амоуп уаҟа.
Рныҟәашьа усоуп ишыҟоу, уахынла ашьхаҟа рыԥхьара ргоит,
нас, шьыжьнаҵы, агаҿаҟа амҩа иқәлоит. Амҩа ҳақәуп сааҭк,
ҩба, хԥа. Игәыԥҵәагоуп амҩа, ухы уцәымӷымзар уанымлартә
ишәарҭоуп. Џьара амашьына аҿахоит, џьара ахаҵәира
ацәыцәгьахоит. Сара изакә шәарҭоу иҟоу салацәажәоит,
амашьынаныҟәцаҩ иаҳәатәын иҭабуп ҳәа. Ихаҭа имацара
иакәымзаап Пиотр Кәаӡба ихшара ԥхьаҟатәи рлахьынҵа
иазхәыцуа.
«Аԥсны ҟаԥшь», 1978

СИКСТИНТӘИ МАДОННА
Анемец мпыҵахалаҩцәа ҳаԥсадгьыл иқәцаны, дара,
адунеи рыда аҳ дамоурц иашьҭаз, афашистцәа рыдгьылаҿ
аибашьра амҩаԥысра ианалага, реих иҟанаҵаз адҵала,
германиатәи иреиӷьыз асахьатә галереиақәа ҭадырцәит.
Адунеи аҿы еицырдыруаз, хәы змаӡамыз аҳашҳатәарақәа
(аскульптурақәа), ахьлыхқәа, аҿыханҵатә рҿиамҭа ссирқәа
неидыҳәҳәаланы, убасеиԥш иҟаз ҳаԥқәак ихәыҵарыжьит,
аибашьра рԥырхагамхаӡаргьы, ацәаакыра мацара иахҟьаны
иԥхасҭахартә.
Дрезден азааигәара, қыҭа кҿахак аҟны, ахаҳә ҵхырҭа
хәаџақәак рҳаԥаҿы, асовет солдатцәа иаахәыҵыргеит,
убас афашистцәа ирҵәахыз асахьаҭыхымҭақәа рацәаны.
Урҭ ирылан «Сикстинтәи мадоннагьы». Еиқәыдрхарц, насгьы
иахьыԥхасҭақәахьаз
ишьақәдыргыларц
азыҳәан,
убасҟанҵәҟьа ҳтәылахь иаарышьҭит. Ҳаԥсадгьылаҿ иҟан ари
ашедевр 1956 шықәсанӡа. Ашьҭахь асовет еиҳабыра, ҳамҭак
еиԥш, анемец жәлар ирыздырхынҳәит.
Ирҳәоит, ауаҩы иеиԥш ашәҟәқәагьы ирымоуп ҳәа рхатәы
лахьынҵа. Рхатә лахьынҵа рымуп аҟазаратә рҿиамҭақәагьы.
Уаҩы иџьеишьартә иҟоуп «Сикстинтәи мадонна» раԥхьаӡа
анемец дгьылахь ианеишьахазгьы.
Италиатәи ақалақь Пиаченце иҟоуп аԥсыцқьа Сикст
ихьӡала иргылоу ныхабаак (ауахәама). Убри аныхабаа
азыҳәан акәын ҳазлацәажәо асахьа зҭихыз Рафаель. Акыр
шәышықәсагьы убра иҟан. Ашьҭахь, 1754 шықәсазы аныхабаа
амаҵзуҩцәа иӷьычны, хәы мариала, 70 килограмм ахьы ҳәа
ирҭиит. Акырџьара инанагақәеит. Аҵыхәтәан наӡаӡа «нхарҭас»
ҳәа илнахит Дрезден ақалақь.
Адунеи зегьы аҿтәи архитектуратә рҿиамҭа дуӡӡақәа
ҳанрылацәажәо, зегьраԥхьаӡа ҳхаҿы ишааиуа еиԥш мысратәи
апирамидақәа (аҳаҭгәынқәа), ашәҟәыҩҩраҿы раԥхьа
ишаҳгәалашәо еиԥш «Илиада» амузыкаҿы раԥхьа ишҳаргыло
еиԥш Бахи Бетховени рамҵамҭақәа, аскульптураҿы
аԥхьагылара шаҳҭо еиԥш Микеланџьело иҳашҳаҭәаратә
рҿиамҭа «Давид» , убас адунеи аҿтәи аԥшшәылаҩыратә
сахьаҭыхра ҳаналацәажәо Леонардо да Винчи иҭыхымҭа
«Џьоконда» инаваргыланы аӡбахә ҳҳәоит Рафаель ирҿиамҭа
«Сикстинтәи мадонна».
Ауаҩытәыҩса ихы-ихшыҩ иаӡбаны, инапы иарҿиахьоу,
игениара реиҳа иахьааԥшхьоу арҿиамҭақәа рахьтә абри
асахьаҭыхымҭа раԥхьа иргылон Достоевски. Ашәҟәыҩҩы
иԥсы ахьынӡаҭаз иуадаҿы икнаҳан уи асахьа ақәҭыхымҭа.
«Сикстинска мадонна» давно составляет для европейца такой
же культ, как для араба черный камень в Мекке», –ҳәа иҩуан
асахьаҭыхҩы Поленов.
Уи зырҿиамҭоу агеницәа ргени, италиатәи асахьаҭыхҩы
Рафаель Санти (1483–1520) иԥсы шҭаз, ихьӡ-иԥша убасҟак
ажәлар ирылаҵәахьан, убасҟак бзиа дырбахьан, асахьаҭыхҩы
иҩны аԥхьа ииасуаз амҩаду «агәырӷьара аулица» ҳәа
иашьҭан. Рафаель ибаҩхатәра шаҟа идууз аамышьҭахьгьы,
ари афакт иаанарԥшуеит, усҟантәи аамҭазы аҟазара шаҟа пату
ақәыз, изыԥсоу шырдыруаз.
Адинхаҵара ирлашәны иамази аџьарсахьаныҟәгаҩцәеи
иҟәыбаса иқәырҵахьаз ажәытәӡатәи Бырзентәылеи Рими
рҟазара ду, ркультура ҳаракы, рдемократиа, ргуманизм
ҿырԥштәыс ишьҭызхыз, уи аиҭашьақәыргылареи аихаҳареи
иалагаз италиатәи Аиҭарҿиара (Ренессанс) аҭәымҭеи Рафа266

ель ибаҩхатәра аизҳа-зыӷьамҭеи еиқәшәеит. Дагьыҟалеит
уи, ауаатәыҩса рсахьаркыратә рҿиара ҽаԥарак ԥхьаҟа
изгаз атитанцәа дыруаӡәкны, Аиҭарҿиара агуманизмра
ахьынӡаҩеиз дашәага-заганы.
Аԥсабараҿы ауаҩы иаҵкыс еиҳау акгьы ыҟам ҳәа
дыԥхьаӡаны, хәы змам иакәны ауаҩы ихәаԥшроуп
хшыҩеилкаара хадас изықәныҟәоз Аиҭарҿиара агуманистцәа.
Асахьаҭыхыҩцәа азышәаҳәон ауаҩы ицәа-ижьы аԥшӡареи,
иҩныҵҟатәи идунеии. Архитекторцәа – ауаҩы ихы-ихшыҩ,
инахараны уи ихәыцра. Афилософцәа – ҳәаа змам ауаҩы илшара. Апоетцәа – ауаҩы адунеи дахьынӡақәу иԥсҭазара, уи
игәырӷьара, игәырҩара.
Ҳмыццакыкәа, цқьа, ҳахшыҩ азышьҭны, ҳахәаԥшып
«Сикстинтәи мадонна».
Наҟ-ааҟ иаанаскьан, иаатит аԥарда еиқәарақәа. Алашьцара хьаҵит. Адунеи иаақәлеит амш лашара. Доуҳала лцәа
далашәаны илыхшаз
лысаби дыкны, аԥҭа бымбылқәа
дрылаԥало, даауеит мадонна, анцәа Христос иан, аԥҳәыс
ԥсыцқьа. Уи агәра лдыргахьеит ауаатәыҩса рыԥсы ҿызхраны
иҟоу аҵеи лара длыхшеит ҳәа.
Ауаатәыҩса рыгәнаҳарақәа изыргәылымҵуа иргәылахеит.
Урҭ цқьахарц азыҳәан, рхаҵкы-рыԥсаҵкы дцароуп анцәахша
Христос.
Аа, ауаатәыҩса дшәымаз, шәара шәзыҳәан сиеигӡом,
дышәхызбаауам, шәыԥсы ацымхәрас дшәышьҭы ҳәа, лнапаҿы
дыкны даалгоит лысаби. Уи лыблақәа ирхубаалоит агәаӷьра,
зыда ԥсыхәа ыҟам аҿаԥхьа ахьамҵра. Аха ан лыблақәа ирхубаалоит даҽакгьы – агәыҩбара. Баша шәхаҵкы-шәыԥсаҵкы
дышәмышьҭын, сымаалықь ишьаԥса баша шәаԥсамхааит
аҳәоит ан лгәаҩбара.
Аҵх ихьаҵын, аԥарда еиқәаҵәа анааимҟьа, ажәҩан
ҵылашааит. Ԥшакгьы ахәхәаҳәа инасит. Ан лкасы инҭачит.
Лыҵкы акалҭ инахьысын, ихтыз лшьапқәа аанарԥшит.
Иарԥысра аҭәымҭа данааҭагыло, ижәлар рнапала дкыдҵаны дшыршьуа ицәа иалашәахьоушәа, иԥеиԥшу
идырхьоушәоуп иԥшышьа шыҟоу иара асаби, анцәахша Христос. Ԥхьаҟатәи игәаҟра мҩа зегьы рхаабалоит иблақәа.
Ажәҩан дылбааны, адгьыл ахь, ауаатәыҩса ҳашҟа лысаби длыманы дааиуеит ан. Уи лыуаҩра аҿаԥхьа ишьамхы аирсит аҭаҳмада, аԥсыцқьа Сикст. Иарма напы игәы иадкылоуп,
иарӷьа напала ауаатәыҩса ахьыҟоу адгьыл ахь амҩа лирбоит
Мадонна.
Ан иҟалҵо, илгәаӷьыз џьашьаны, ауаатәыҩса рышҟа
уи илымоу агәыблра даргачамкны, илҳәара лҿамшәо, лхы
аалалырҟәит, бара бҟынӡа сара сназгозеи лҳәарызшәа,
аԥсыцқьа Варвара.
Аҭыхымҭа акомпозициа зегьы еизызагара ырманшәало,
дара рхатәы хшыҩҵак рыманы, рнапы хәыҷқәа ҭахә-ҭахәӡа,
рымҵәыжәҩақәа хаха-хахаӡа, лаԥхьаҵәҟьа аԥҭа бымбылра
иаалԥшит ҩыџьа амаалықьцәа-ашацәа.
Ари арҿиамҭа, ишаабаз еиԥш, асиужет шеибгоу иаагоуп
Ашәҟәыԥшьа (Библиа) аҟнытә. Убраҟа иаҳәо, Анцәа ихаҵара,
уи иашьапкра аҟны иаанижьызҭгьы асахьаҭыхҩы, ҳәарада,
ҳара ҳаамҭазтәи ауаҩы ицәтәымхахьазаарын, ихашҭны, аамҭа
иагахьазаарын.
Абиблиатә сиужет ируаҩԥситәит Рафаель. Ауаа рыԥшра
рыԥшроуп, рхәыцра ҳаракқәа рхәыцроуп, рыгәҭыха дуқәа
рыгәҭыхоуп асахьаҿы иаабо. Аҭыхымҭа зегьы ауаатәыҩса
рышҟа бзиабарала иҭәуп.
Хыхь иаҳҳәаз, Аиҭарҿиара агуманистцәа хшыҩҵак хадас
ирымаз: «Ауаҩы еиҳау, ауаҩы еиӷьу аԥсабараҿы ԥсы зхоу акгьы ыҟам», –ауп Рафаель иҭыхымҭагьы хшыҩҵак хадас иамоу.
Егьа ажәа лыԥшаалыхла ҳцәажәаргьы, ашәа ажәала
еиҭаҳәашьа амоу аҳа, асеиԥш иҟоу асахьаҭыхратә рҿиамҭа
ажәала еиҭаҳәашьа амам. Уи «еиҭаҳәо» ҳәа иҟоу излаԥҵоу
«абызшәа» заҵәыкоуп, убри аҟнытә, ҳажәа абраҟа иааԥҵәаны,
ҳалаԥш назаҳашьҭып иара, ауаҩԥсы иаԥиҵеит ҳәа зыгәрагара
уадаҩу, «инцәахшоу» асахьаҭыхымҭа «Сикстинтәи мадонна».
«Аԥсны аҟазара», 1980

АНДРЕИ РУБЛИОВ
Абжьаратәи ашәышықәсазы аныхачаԥақәа шәыгала
иҭызхуаз асахьаҭыхыҩцәа дуӡӡақәа дыруаӡәкуп Андреи Рублиов. Иара ибиографиа иахьынӡахәҭоу иахьа уажәраанӡагьы
еилкаам. Дизар ҟалап ажәиԥшьтәи ашәышықәса хынҩажәатәи
ашықәсқәа раан, иԥсҭазаара далҵит 1427, мамзаргьы 1430
шықәса рзыҳәан. Амала аҭоурых ибзианы иадыруеит Андреи
Рублиов асахьаҭыхра данаҿыз, ирҿиара иаҳа ианеинҭәылоз
Урыстәыла азыҳәан изакә аамҭаз иҟаз. Аҭаҭарцәеи
амонголцәеи ахаԥаны, атәра иҭацаланы ирыман. Аурыс
жәлар ҳәынҭқарраны еидкыламызт, хазы-хазы ишаны, аҳра
ссақәа иҟаз ирылшомызт амонголцәа римпериа иаҿагыланы
ақәԥара. Абасала, милаҭк аҳасабала, ақәӡаараҿы инеины
иҟан аурысцәа. Ишәарҭан азиатәи ажәларқәа ирылаӡҩар ҳәа.
Урыстәыла аиқәырхара, аҭаҭарцәеи аманголцәеи рымпыҵхра
азықәԥара иалагеит абри аамҭазы аурыстә қьырсиантә
динхаҵара. Усеиԥш иҟаз амҩа иқәиҵеит, драԥхьагылаҩын
амонах Серги Радонежски. Убри иоуп Куликовтәи адәаҿы
имҩаԥысыз аибашьра ду «амца аҵазҵоз», хшыҩс иамаз. Аурыс дгьыл иагәаҵәахарц, хеидкыларҭахарц абри амонах иргылеит Троицктәи аныхабаа. Аԥсыцқьа Серги иҽхәаԥхьыӡк
аҳасабала, Андреи Рублиов Троицктәи аныхабаа азыҳәан
иҭихит «Ахҩык» («Троица») зыхьӡу аныхачаԥа. Аиҭаира
иаҿыз Урыстәыла иашьанахеит абри аҭыхымҭа. Амшын аҟны
ишеизо еиԥш аӡиасқәа зегьы, аурыс жәлар гәҭыхас ирымаз, изызхәыцуаз, иззықәԥоз зегьы аҳәеит асахьаҭыхҩа
ирҿиамҭа. Ашәыгақәа ссиршәа реиҿбаашьеи, акомпозициа ашьақәыргылашьеи рымацара рзыҳәан акәмызт ари
аныхачаԥа жәларык ирыгәҭыха ҳәаганы изыҟалаз. Еиҳараӡак
аус злаз, уи ҵакыс иамаз, аурыс жәлар иранаҳәоз акәын. Убри
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3297
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2345
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3343
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2265
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2278
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2114
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3279
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2172
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3334
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2313
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3379
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2343
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2249
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2187
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3365
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2176
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3323
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2177
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3377
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2243
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2162
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2211
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3263
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2207
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3298
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2271
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3296
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3260
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2125
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3311
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2294
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2202
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3375
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2296
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3408
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3367
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2221
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3357
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3348
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2156
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3305
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2054
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2130
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30
    Süzlärneñ gomumi sanı 3292
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2216
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31
    Süzlärneñ gomumi sanı 3251
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32
    Süzlärneñ gomumi sanı 3333
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2174
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33
    Süzlärneñ gomumi sanı 3272
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2148
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34
    Süzlärneñ gomumi sanı 3288
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2076
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2266
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36
    Süzlärneñ gomumi sanı 3349
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2181
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37
    Süzlärneñ gomumi sanı 3332
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2189
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38
    Süzlärneñ gomumi sanı 3314
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2223
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39
    Süzlärneñ gomumi sanı 3326
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2116
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40
    Süzlärneñ gomumi sanı 22
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20