LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14
Süzlärneñ gomumi sanı 3339
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2162
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ажәлар иртрибунаны ианыҟаз ҳәа зҳәақәо роуп. Агәра
згоит: ауаҩы дычча-хәмаруанаҵы дхәыцуанаҵы иҟалоит
атеатртә ҟазарагьы. Ус анакәха атеатр асезон ҿыц аартра
ныҳәаҵас дазԥшуеит ахәаԥшҩы. Гәаанагара хәыҷқәак исымоу нарыцҵаны, ҳаԥсуа театр асезон ҿыц аартра аламҭалазы,
зеиӷьашьарақәак сҳәарц сҭахуп.
Ҳалагап зыда ԥсыхәа ыҟам – адраматургиа ала. Аԥсуа
литератураҿы зегьреиҳа ишьҭаханы иҟоуп ари ажанр. Уи
зыхҟьо рацәоуп. Ҳзызхәыцша – ԥсыхәас иҟоузеи? Аԥсуа театр
иҳаҩсыз асезон аан ишыҟанаҵазоуп, даҽа мҩакы збом сара.
Зықәыргылара иаԥсаз апиесақәа анмаҷха, аԥшаараа иалагеит алитература егьырҭ ажанрқәа рҟны. Абар, зеиӷьа аԥсуа
литература иаланамгалац «Ахра ашәа». Артист ду, адраматург
Шәарах Ԥачалиеи арежиссиор Нелли Ешбеи напы аларкит
уи аинсценировка азура. Акыр аамҭа иаҿын. Аус еицыруит адраматурги арежиссиори. Иагьрықәҿиеит. Ибзиангьы
иқәыргылан. Ажәлар рлегендартә фырхаҵа асценаҿынтә даабеит, зеиуа ҳмаҳацыз апоезиатә бызшәа ҳаҳаит асценаҿынтә.
Аԥсны аныҳәа мшқәа раан уи ҳамҭа дуны иҟалеит, ҳмилаҭтә
культура аизҳара иеигәырӷьо рзыҳәан.
Аринахысгьы аԥсуа литератураҿы иреиӷьу аҩымҭақәа
аинсценировкақәа рзуны асценахь рнагара еиҵыхлатәуп.
Ажәақәак сҳәарц сҭахуп аиҭагақәа рзыҳәан. Иҳаҩсыз
асезонқәа раан аԥсуа театр иалнаршаз рацәаӡоуп аклассикатә
ҩымҭақәа еиҭаганы рықәыргылараҿы.
Ҳара иаҳҭахуп аклассикатә ҩымҭақәагьы. Аха, рыцҳарас
иҟалаз, сара издыруеит, аклассикатә ҩымҭақәа еиҭаганы
рықәыргылара аҵкыс, егьа ибааԥсызаргьы, аԥсышәала
иҩу ықәыргылалатәуп зҳәақәо усеиԥш агәаанагара уаҩ
дзақәшаҳаҭхом. Адунеи аклассикатә литература аҟнытә
имаҷымкәа арҿиамҭақәа абахьеит аԥсуа сцена. Ҳара ҳтеатр
аҭоурых арбеиара, ҳтеатртә ҟазара азырҳара, ахәаԥшыҩцәа
адунеитә культура дырдырра уҳәа ирацәоуп урҭ ҳара
иҳарҭаз. Адунеитәи аклассикатә рҿиамҭақәа амилаҭқәа зегьы рзыҳәан иблахтыганы, ирлашаганы иҟалеит. Урҭ ҳара
иаҳҭахым, иҳамбааит ҳәа аԥхьагылара змоу, ибеиаӡоу акультура мап ацәызкуа диҩызахоит.
Ҳәарада, Шекспири Шиллери рҩымҭақәа ирываҟәыло
аԥсуа ҩымҭа ҟалаанӡа урҭ ртәқәа ықәыргылалатәуп ҳәа
сҳәазшәа еилкаатәым. Асценахь иноугартә иҟоу амилаҭтә
драматургиа ахьынӡамаҷу, иахьынӡаҟам, акы, амилаҭтә
литература егьырҭ ажанрқәа рҟны иреиӷьу аҩымҭақәа
аинсценировкақәа рзулатәуп, ҩбагьы, цәшәарак ҽынкыларак
ҳәа ҟамҵакәа, еиҭаганы иқәыргылалатәуп иреиӷьу аклассикатә
ҩымҭақәеи иара убас аешьаратә литературақәа рҟны иналукааша апиесақәеи.
Абраҟа иацсҵарц сҭахуп зеиӷьашьарак. Иаҳҳәап,
адунеиаҿы еицырдыруа аклассикатә ҩымҭак еиҭаргеит
аԥсшәахь. Атеатр аҟны иқәдыргылеит, аха ақәҿиара амоуит. Изыхҟьозеи? Еиҭазгазгьы иқәзыргылазгьы аҭыԥантәи
ахәаԥшыҩцәа ирзымхәыцит. Иазымхәыцит урҭ ртемперамент.
Ааи, раԥхьаӡа иргыланы ртемперамент. Абри рхамшҭлароуп
ҳаԥсуа режиссиорцәа.
Ҳаԥшуп…
Ҳазлашәыргәырӷьозеи ҳрежиссиорцәа, ҳазлашәыргәыр
ӷьозеи ҳартистцәа ҳәа, ҳаԥшуп ҳарҭ, гәыкала ақәҿиарақәа
шәзеиӷьашьо ахәаԥшыҩцәа.
«Аԥсны ҟаԥшь», 1971
ГӘЫКАЛА ИАԤҴОУ АРҾИАМҬА
Ахәыҷы гәҭыӷьӷьала даԥхьоит иԥсадгьыл иазку
ажәеинраала. Уи диазҵаауееит адиктор: «Иудыруазеи уара,
аԥсуа ҷкәын хәыҷы, уԥсадгьыл Аԥсны азыҳәан?» Абас иалагоит акинофильм «Аԥсны – Аԥсынтәыла». Иҭнахит иара
Қырҭтәылатәи акиностудиа. Аҭыхратә гәыԥ напхгара азиуан,
ҳара ҳтәылаҿы акәым, уи анҭыҵгьы еицырдыруа акинорежиссиор Г. А. Асаҭиани. Афишақәа рҟны уи ижәла санаԥхьа,
издырит, ари акино «уалбагас» ишыҟаҵам. Аҟаза инапы
иҵихуазаалакгьы ҭакԥхықәра дула дазнеиуеит.
Сеиҭахынҳәырц сҭахуп акино алагамҭахь. Аԥсуа школ
хәыҷы иазҵааит уԥсадгьыл Аԥсны азыҳәан иудыруазеи
ҳәа. Сара сахьтәаз сгәы нҭыԥсааит. Акгьы сыздырӡом иҳәоз
џьысшьеит. Избанзар уи, ажәҩан гәиаҵәареи, амшын еишьылреи, ашьха казказқәеи, ажәакала, ибла иабо раамышьҭахь,
хыла-хшыҩла иԥсадгьыл Аԥсны азыҳәан акгьы издырӡом.
Аиҵбыраӡатәи аклаасқәа рҟны итәоу иакәым ашкол иалго
иазҵааргьы, иаҳҳәап, аԥсуа ҳәынҭқарра анбаҟаз ҳәа, ииҳәо
иҿамшәо даанхоит. Арԥыс бзиа дибар ҟалоит аԥҳәызба, бзиа
дзибаз ихаҭагьы изымдырӡо. Ижәлеи идгьыл гәакьеи рҭоурых
изымдыруа, ауаҩы иԥсадгьыл бзиа избом. Ҳара ҳашколқәа
рҿы аԥсуаа рҭоурых иахысӡом. Абри шаҟа игха дуугьы
ҳгәаланаршәоит зыӡбахә ҳамоу акино, ҷыдала уи ишазкымгьы.
Асценариа зҩызгьы, иҭызхызгьы, ҳәарада, хықәкыс ирымаз раԥхьа иргылан аԥсуа жәлар рыԥсадгьыли дареи рыхабар ахара анарҩра, иззымдыруа дырдырра. Уи ахықәкы
бзиангьы инагӡахеит. Аха абраҟа иҟалеит даҽакгьы. Уи акино
ҳарҭ, аԥсуаа ҳхаҭақәагьы аӡәырҩы иаҳнардырит ҳаԥсадгьыл,
ҳҭоурых. Аԥсни аԥсуааи ҳҭоурых зегьы кинок акәым, ишырҳәо
еиԥш, шәыҟәгьы ианӡалом. Уӡааԥшылацәар ахшгьы еиқәаҵәак
хубаалоит. Афильм гха сса-мыссақәак амоукәа иҟаларым.
Аха аус злоу, уи аԥызҵаз, ирҳәаз ахәыҷы, гәыблрала ирҳәеит.
Абриоуп изыхьӡу аешьара, аиҩызара, аҳаҭыреиқәҵара. Абзиабара ахьыҟоу аиашагьы ҟалоит. Сара саӡәыкны уи акино
аԥызҵаз ирасҳәоит – иҭабуп!
«Аԥсны ҟаԥшь», 1971
ҚЬААЗЫМ АГӘМАА
Қьаазым Агәмаа аҩра далагеит дышқәыԥшӡаз, иара
убасҵәҟьа, ауаҩықәра бжагьы изнымҵыкәа, ишәымҭа дышҭа
гылаз даԥхеит илитература гәакьа. Насгьы ибаҩхатәра иаҳа
аҽаныԥнашәашаз, иҳанаҳәарц иҟаз реиҳа ианҳанаҳәашаз
ашықәсқәа рзыҳәан, апоет инапаҿы, акалам ацымхәрас
импыҵашәуа икын абџьар. Иажәеинраалак аҟны ус иҳәоит:
Сара сеигӡом сшьа икаҭәоугьы,
Сыԥсадгьыл иасҭеит аҭоуба,
Иаҭаххозар сыԥсы иҭоугьы,
Раԥхьа ишасҭо агәра га.
Арҭ ацәаҳәақәа рыҵабыргра иԥсҭазара зегьы ала
ишьақәирӷәӷәеит апоет.
Қьаазым Агәмаа ирҿиамҭа иаҳа иҳазгәакьахоит, ииҳәаз
ажәа ҳамлакҩакуа агәра ҳгоит изҩыз ихаҭа иажәеи иуси
шеиқәшәоз, урҭ узеиҟәымҭхо ишеидҳәалоу анаадырлак. Апоет-алирик иԥсадгьыл иақәлаз аӷа диҿагыланы деибашьуан
ҩ-бџьарк – ахы цаҳәцаҳәи ажәа мцабзи – рыла. Ирҿиамҭақәа
рҟынгьы, тема хадас имаз ҩ-темак ракәын; Аԥсадгьыли Абзиабареи. Урҭ аҩбагьы, еицрыхшьа рымамкәа, еилаӡҩан иара
изыҳәан. Абзиабароуп ауаҩы дуаҩызтәуа. Аԥсадгьылаз ихы
амеигӡароуп иуаҩра ԥышәагас, ршаҳаҭгас иамоу.
Қьаазым Агәмаа ибжьы гәыкӡа иангаз ашықәсқәа
рзыҳәан аԥсуа литература асаби-қәра инҭысуан, абжьы адунеи инықәҩырц аҽеибыҭара, ашьақәгылара иаҿын. Атрадициа дуқәа змаз аешьаратә литературақәагьы рхырхарҭа
усҟан даҽакала иҟан. Ауаҩытәыҩса ихы-ихшыҩ игәыиԥсы аҵкыс, имахәҿақәа иаҳа ирызхәыцуан. Алитература иацәтәымыз ари атеориа акыр иаԥырхагахеит аԥсуа
литературагьы. Убасҟан «аҽага ӷәӷәаны ибҟьароуп бзиа
банызбо» ҳәа анырыҩуаз, аттрактор иавԥшны уаҩы данырымбоз аамҭазы, ари алитературатә хырхарҭа зынӡаск
иҽизацәымыхьчазаргьы, ибаҩхатәра ду иабзоураны, Қьаазым
Агәмаа иаԥиҵеит алирикатә поезиа иашаҵәҟьа иаҵанакуа,
аԥсуа литература ыҟанаҵ инхаша ажәеинраалақәа. Бзиа иибоз аԥҳәыс иналықәкны, раԥхьаӡа аԥсышәала ажәеинраала
зҩыз, ҳлирикатә поезиа хацзыркыз апоетцәа дыруаӡәкуп уи:
Аԥсра абла са схыԥшыло,
Ашьа ансылҵуаз зны скәабо,
Схәыцреи сгәыкреи уаҟа еицылон,
Саԥхьа бтәазшәа сгәы иарбо.
Абас, дахьыҟазаалак, гәаҟрас дызҭагылазаалак, зегьын
џьара ицуп алирикатә фырхаҵа бзиа иибо аԥҳәыс лхаҿсахьа.
Уи ибзиабара, агәышьҭыхра уаҩы изҭо, ауадаҩра аан ицхраауа бзиабароуп.
Апоезиатә рҿиамҭақәа раамышьҭахьгьы, Қьаазым
Агәмаа ҳлитература иазынижьит апрозатә ҩымҭа шьахәқәа.
Ажәабжьқәак ракәымзар, ихациркыз аҩымҭа дуқәа акгьы
нагӡаны рҩыха имаӡагәышьеит. Иҟаиҵаз алагьы ҳара иаҳҳәар
ҳалшоит, иаԥхьаҟа аԥеиԥш ду змаз, ашәҟәыҩҩратә баҩхатәра
иашаҵәҟьа злаз, апрозатә ҩымҭақәа раԥҵара зылшоз уаҩын
ҳәа Қьаазым Агәмаа. Уи иҩит иара убас адрамақәагьы ҩба.
Аиҭагара аус аҟынгьы иџьабаа рацәоуп. Ажәакала, уи игәы
еисуанаҵы иԥсы ҭан ҩ-уск рзыҳәан: аԥсадгьыл ахьчареи алитература арҿиареи.
Ажанрқәа акыр рҟны ихы шԥишәахьазгьы, Қьаазым
Агәмаа, ҳәарада, ибаҩхатәра еиҳарак аҽахьаанарԥшыз,
иаргьы иаҳа аҟаҵара дахьахьӡаз алирикатә поема аҟноуп.
Уаҟа уи ихьӡ даҽа хьӡык иаламҩашьо иаанхеит. Иреиӷьу
иажжәеинраалақәа, ахь-ҟәырҷахақәа ирҩызаха, иргәылҷ
ҷауеит ҳаԥсуа лирикатә жәеинраалақәа.
1972
ИАХЬАТӘИ ААМҬА, ИАХЬАТӘИ АУАҨЫ
Уажәааигәа сара Бакуриани сыҟан. Атеатр, амузыка, акино, ашәҟәыҩҩра, асахьаҭыхра уҳәа, адоуҳатә беиара арҿиара знапы алаку аҿар реилацәажәара-рсеминар
салахәын. Уи мҩаԥыргеит инарҭбааны, егьырҭ ареспубликақәа
рҟынтәи аҿаргьы алархәны. Жәаҩа мшы ицон асеминар.
Иқәгыланы ицәажәеит Қырҭтәылеи уи анҭыҵгьы еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа, арежиссиорцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа,
артистцәа. Иаҳдырбеит макьана аекранқәа рахь ирмышьҭыц
акино сахьа ҿыцқәа, иҟан аспектакльқәа рыпремиерақәа,
асахьаҭыхҩцәа ҿарацәа инеиҵыхыз рцәыргақәҵа.
Сара абри уажәы изысгәалашәаз уиоуп, асеминараҿы
иҟан гәаартыла аицәажәара, аизҳарақәа иҟоу инарываргыланы, агхақәа рзыҳәан иаахтны аиаша аҳәара. Абри ажәа
инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп. «Азҩа зӡаз иан дагеит» аҳәоит
аԥсуа жәаԥҟа. Абри иаҳарак иаҳхамышҭлароуп ҳара, абџьарс,
ҿахәҳәагас, лахьынҵала
насыԥла акалам заҭәашьахаз.
Аԥсҭазараҿы ианакәзаалак аиҿыхарақәа рацәоуп. Уи
аныҟам ԥхьацара, аизҳара зыҟалом. Ацәгьеи абзиеи, амши
аҵхи реиԥш, еснагь еишьҭоуп. Ашәҟәыҩҩы, сара сгәанала,
иуалԥшьақәа раԥхьа игылоуп, урҭ реҩдыраара, абзиа, аиаша адгылара, аамҭа иаԥырхагоу, иашьашәалам, рыцҳашьарак
ҟамҵакәа, ажәа мцабзла раҿаԥҽра. Еиҿыхарак ыҟаӡамкәа,
иршшаны ахәша ахьшьны аҩра, аԥхьаҩ акгьы инаҭом. Аха,
ҳәарада, ари исҳәаз иаанагом, акалам иҵыҵуа зегьы сатиразароуп, ицҳауазароуп ҳәа сҳәазшәа. Раԥхьаӡа иргыланы,
иарбан ҩымҭазаалакгьы, ауаҩытәыҩса изыҳәан агәыблра,
абзиабара, агуманизм аҵазароуп. Асахьаркыратә ҩымҭа, аӡи
аҳауеи реиԥш, зыда ԥсыхәа амақәам иреиуоуп аԥсҭазаара
ашьақәырӷәӷәара, уаҵәтәи амш лашахь аԥхьаҩ инарԥшра.
Ари ааԥхьара гәахәа дус иҟаҵаны исыдыскылеит. Акалам
зку, адоуҳатә беиара арҿиара хықәкыс измоу зегьы, иҵегьы
аҭакԥхықәра, аԥсҭазара нарҵауланы аарԥшра, иахьатәи
ауаҩы ихаҿсахьа аԥҵара азыҳәан иҵегьы ҳхы аџьабаа
аҳарбарц ҳаднаҵоны ауп ишеилыскаазгьы.
Иҟасҵазеи сара схаҭа? Шықәсык аҟара ҵуеит иҩны
салгеижьҭеи, акраамҭа сзыргәаҭеиуаз, акраамҭа аус здызулоз
аповест «Асас». Уажәы изгәаӷьит уи акьыԥхьахь рыҭара. Ирнылараны иҟоуп ажурнал «Алашара» ааигәатәи аномерқәа. Аса200
хьаркыра аганахьала, сҟазара, сԥышәа хәыҷы ахьынӡасызхаз,
иалшаз сыздыруам, уи аԥхьаҩ ибап. Аха акы заҵәык аԥхьаҩ
иҿаԥхьа сызлаԥхамшьо, уи аповест аҟны срылацәажәоит
ҳара ҳаамҭазы акырӡа зҵазкуа азҵаарақәа. Ауаҩи уи иламыс
ацқьареи, аамҭа иуднаҵо ауалԥшьа анагӡареи, уи ишухәҭоу
иузынамыгӡартә аҭагылазаашьа уақәшәар, иҟауҵашеи уҳәа,
акыр азҵаарақәа цәыргоуп. Ҳәарада, иаахҵәаны абасоуп ҳәа
урҭ рҭак аҟаҵара сара исылшомызт. Азҵаара сзықәргылазар,
убригьы акыр аҵанакуаны исыԥхьаӡоит.
Ԥхьаҟатәи сыпланқәоу? Урҭ заа рҳәара агәаӷьра цәгьоуп.
Избанзар, исыздыруам исзыҩуоу, исзымҩӡакәа схы-сгәаҿы
иаанхауоу. Акы заҵәык исҳәо, изҩыша сымамкәа саанхахьаны сгәалашәом. Аха еснагь исзымдыруа ишызҩышоуп. Ухыугәы иахьынӡаҭоу, уахьынӡазхәыцуа, уи иаҵыҩуа амузыка
ашьҭыбжь уара заҵәык иахьынӡауаҳауа, абыржәы унатәаны
укалам уқьаад инақәукыр зеиуа умҩыц, ссирк уҩрашәа угәы
иабоит, аха ажәақәак анынануҵалак, уимоу, иҩны уаналгалакгьы, акьыԥхьра акәым, иузааигәоу уҩызцәагьы дырбара иаԥсамкәа ианумпыҵахо ҟалалоит. Ажәабжь хәыҷык
уҩуазаргьы, уаанӡа иуҩхьоу акы еиԥшымхароуп, угәыла
иҩышьа иазааигәамхароуп. Ҽаӡәы иԥышәа, ҳәарада, иухәоит,
аха уара иуцәмыӡроуп ухатә гәеисышьа. Абарҭқәа ирыцәганы,
акыр сзыҩуаны сҟалозар, ҳәарада, иахьатәи ҳаамҭа иахьатәи
ауаҩы идунеи, ихәыцрақәа, игәҭыхақәа раарԥшра иазкхоит.
«Аԥсны ҟаԥшь», 1973
ИВАН ЕСНАҬ-ИԤА КОРТУА
Ианакәзаалак ауаатәыҩса дзыԥсоу иахьынӡахәҭоу идырны, ҳаҭыр иқәҵара рцәуадаҩуп, ҭынч ихы ӡырымгауа, уамак
ауаа рыбла дхымгылауа зҽынаԥхьакшәа иҟоу ауаҩы иусгьы
уамак аҵанамкуашәа, иҟаиҵогьы рацәаӡамшәа рбагәышьоит.
Ашьха уазааигәаны уанаҵаԥшлакоуп иахьынӡаҳараку убла
ианабо. Иџьоушьаша ауаҩы уаҳа убла дамбо, реиҳа даныхарахалак, дануцәыӡлакьоуп, уи ибаҩхатәреи ихи ихшыҩи
ахьынӡаҵаулаз, иахьынӡаӷәӷәаз
ангәауҭауа, ижәлари
иԥсадгьыли рзыҳәан дзыԥсаз ккаӡа ианудыруа. Убасҟан аамҭа
наскьацыԥхьаӡа иара иусқәа ихьӡ иԥша рыманы иаҳа-иаҳа
рыҽӡыргауа рҿынархоит.
Ишықәсхыҵреи игәалашәареи ирызкны уаха абраҟа
ҳаззеизаз ауаҩ иҳаҭгәын макьана иқәымиаацт раԥхьатәи
ашьац. Абысҟак аамҭа маҷны ишцахьоугьы, уи иҟамзаара
аныԥшит ҳаԥсуа культура. Иара дреиуан асовет аамҭазы
иааиҵагылаз аԥсуа интеллигенциа раԥхьатәи абиԥара
ҿыц анхараз аҵәҩан азырсыз анхаҩы илҩаҵә ҩеиларц
азыҳәан инхара иаҵанакуа иарбан усзаалак зегьы инапы рылаимкырц, зегьы рзыҳәан аԥхӡы каимҭәар ԥсыхәа
шыҟам еиԥш, убарҭ, раԥхьаӡа иааиҵагылаз аԥсуа интеллигенциа уск амацара рхы ақәкра, убри заҵәык рыԥсҭазаара
азкышьа рымамызт. Шәахәаԥш, аа, ҳара ҳмилаҭтә хдырра
арҿыхараҿы ираԥхьагылаз арккаҩы Дырмит Гәлиа шаҟа ус
хкы дырҿыз, шәахәаԥш, Самсон Ҷанба иуаажәларратә усура аамышьҭахьгьы, иара алитература ашҭаҿы мацарагьы
шаҟа жанр инапы рылакыз. Урҭ реиԥш аҿырԥштәқәа шьарда
ирацәоуп, қәрала уамаӡак рхымҵуазаргьы, акыр уадаҩреи
залымдырреи зхызгахьоу ҳара ҳапрофессионалтә ҟазареи
ҳлитературеи рҭоурыхаҿы. Хыхь зыӡбахә сҳәаз ҳаеҵәа
дуқәа ҩыџьа раҟара ибаҩхатәра изалымшазаргьы, Иван
Кортуа дызҿыз, инапы злакыз аусқәа хкы-хкыла ирацәан. Уи
аӡәы ҳәа даарывагылеит, аԥсуа музыкатә культура ашәҟәы
анҵареи, насгьы ҵара-дыррала рыҭҵаареи рҿы зыҟаҵамҭа
ахә ашьара уадаҩӡоу Константин Ковачи, Кондрат Ӡиӡариеи,
Иван Лакрбеи. Иара убасҵәҟьа, иаҳҳәар ҳалшоит, Иван Кортуа
раԥхьаӡатәи аԥсуа сахьаҭыхҩы ду Александр ШервашидӡеЧачба иус аихаҳаразы иҩагылаз инаимданы иацызҵаз дреиуоуп ҳәа. Уи идекорациақәа рыла иҩычахьан акымкәа-ҩбамкәа
аԥсуа спектакльқәа. Азқьышықәсақәа ирылоу ҳҭоурых
азхәыцра шҳацәмаҷу еиԥш, ҳарҭ аԥсуаа иааҳаҭәаумшьартә
иҳацәмаҷуп ҳҭоурых инархараны ҳаԥхьаҟа азхәыцрагьы.
Шаҟа имаҷны инхазеи Иван Кортуа иҟаиҵаз адекорациақәа
рықәҭыхымҭа афотоқәа. Иара абраҵәҟьа ажәалагалак
аҳасабала, исҳәарц сҭахуп даҽакгьы. Знапы алаку изылшо
ауаа рымчала иалыршахааит Иван Кортуа иҭынхаз музыкатә
нҵамҭоума, статиақәоума, ажәлар рҳәамҭақәа ианиҵаз роума, ишынеибакәу акыр иаԥсаны иҟоу еизганы, еиқәыршәаны
рҭыжьра. Убри аныҟаҵаха, убасҟан ауп уи ихамышҭра, ихьӡ202
иԥша амырӡра, ашьҭыхра азыҳәан акыр ҟаиҵахьеит ҳәа уаҩы
иҳәар аналшауа.
Уажәраанӡа ишысҳәаз еиԥш, Иван Кортуа ԥсабарала
илаз абаҩхатәрақәа рацәан, иаргьы акаҿы ихы дшамеигӡо
иҟаиҵаз аусқәа шаҳаҭра руеит. Иуаажәларратә усура,
исахьаҭыхра, амузыкатә культура арҿиара уҳәа инапы злакыз
аусқәа ирывагылан ҷыдала ашәҟәыҩҩцәа дызларзааигәаз
даҽакгьы. Асовет тәыла анҭыҵгьы аӡбахә наҩит Иван Кортуа
еиҿикааз, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзыҳәанынӡа
напхгара ззиуаз аҭаҳмадацәа рашәаҳәареи рыкәашареи
ансамбль. Ари еицырдыруа усуп. Аха аҭаҳмадацәа, урҭ, Миха
Лакрба иажәақәа рыла иаҳҳәозар «зыԥсы ҭоу абиблиотека» Иван Кортуа ашәаҳәареи акәашареи рзыҳәан мацара
акәмызт изеизигоз. Уи напҟазарала ианиҵон ҭабара зқәым
аӡыхь иаҩызоу ҳсахьаҩыратә литература зхылҿиааз ажәлар
рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа. Абри аус ԥшьа, аус ду аҟынгьы Иван
Кортуа аӡәыс ҳәа дрывагылан аҩажәижәабатәи ашықәсқәа
рзыҳәан Максим Горки аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рышҟа иҟаиҵаз
ааԥхьарала афольклортә материалқәа реизгаразы рарҭмаҟқәа
наразқәынҵаны ақыҭақәа инарылалаз, Баграт Шьынқәба,
Кәаҵиа Шьаҟрыл, Хәыхәыт Бӷажәба, Арсени Аҳашба, Шьалуа Инал-иԥа уҳәа иналукааша ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳнаука
аусзуҩцәеи. Дарӷьажәҩаны дрывагылан, иҟаиҵазгьы шмаҷым
ала шаҳаҭра руеит 1955 шықәсазы «Аԥсуа жәлар рашәақәеи
ражәабжьқәеи» ҳәа хыс иаҭаны иҭижьыз ашәҟәы. Уи аахыс ашықәсқәа ԥыҭк шынабжьысхьоугьы, ари аизга аҵакы
даҽакхеит, уимоу, иаҳагьы ихәарҭахеит, иаҳагьы иҵаулахеит
ҳара ҳамшқәа рзыҳәан. Зымра ашәахәа иабзоураны аԥсуа
жәлар ахақәиҭра ироуз В. И. Ленин ишәышықәсахыҵра
ныҳәа дуны ҳанаԥыло аамҭазы, шаҟа уаҩы акыр ианаҳәо,
шаҟа аамҭа ианаало нҵамҭақәоузеи «Ашларԥҳа Зармахани»,
«Кәыџԥҳа Алмаси» ирыҳҳәааны Иван Кортуа ашәҟәы ианҵаны
иаҳзеиқәирхаз ажәлар рҳәамҭақәа. Раԥхьатәи ажәабжьаҿы
ҳара иаабоит аԥсуа жәлар адәахьтәи раӷацәа ирҿагыланы
ахақәиҭраз рықәԥара, аҩбатәи ажәабжь аперсонаж Кәыџԥҳа
Алмас илзаҳҳәар ауеит стихиала ицәырҵыз, раԥхьатәи
аԥсуа ԥҳәыс ареволиуционерка ҳәа. Еиҳарак усеиԥш аҳәара
азин ҳнаҭоит, лара Кәыџԥҳа Алмас, Кьахь Ҳаџьараҭ иеиԥш,
ииашаҵәҟьаны аԥсҭазаараҿ дахьыҟаз, лхылҿасахьа ихҭҳәаан
иахьаԥҵам. Шаҟа аматериал ду рылоузеи абарҭ ҩ-ҳәамҭак
адраматургцәеи акинорежиссиорцәеи рзыҳәан!
Уажәраанӡа ишысҳәаз еиԥш, ашьха уаҵагыланы
уанаҵаԥшуоуп шаҟа иҳараку анубауа, аха ауаҩы ихаҭа
днаскьацыԥхьаӡа ублаҿ иаҳа-иаҳа иааиуа ицәырҵуеит уи
иԥсҭазаара ззикыз иус бзиақәа. Нас игалааит ихьӡ-иԥша иԥсы
ахьынӡаҭаз, хьӡи-ԥшеи дашьҭамкәа, ҭынч зус ду ҟазҵаз, ауаҩ
қьиа Иван Кортуа.
1970
АУАЛԤШЬА
Иани иаби Аԥсныҟа данааргаз фышықәса ихыҵхьан.
Инасыԥ иаҵанакит Алеқсеи хәыҷы: нхарҭа-нҵырҭас иалырхит
Лыхны. Урҭ ирыздыруамызт изакә ҭоурых дуу иамоу, ахьӡ-аԥша
ахара ишнаҩхьоу ари ақыҭа. Иҟалап асасдкылареи аԥшӡареи
ракәзар ихызхыз. Арантәи еишьылӡа ухыԥшылоит, жәытәнатәаахыс аԥсуаа рлахьынҵа зыдҳәалоу амшын. Ихарацәамкәа,
иааигәацәамкәа, рмаҟҿаҳәара цәиқәарақәа инадыркны,
ԥсҭазаара ахьыҟаӡам, рхыцәқәа ҵааршәны блахкыгақәа
рҟынӡа ашьхақәа. Араҟа ииз асаби, иблақәа анаахит инаркны,
ари амшыни, арҭ ашьхақәеи иблақәа рышьцылоит. Мышкызны, дҩеидасны, аамҭала днаԥырҵны дхынҳәаанӡа, изгәамҭар
ҟалоит рыԥшӡара.
Алексеи аԥшӡара даршанхартә дҩеидасхьан, иаалырҟьан
урҭ анибаз. Ирҳәоит, џьара хҭыск иарҿыхароуп ҳәа абаҩхатәра.
Аԥшӡара гәыла-ԥсыла изгәакьан. Афотоаппарат еиԥш, иибаз
рсахьа ҭнахуан игәырҵҟәыл. Иахьагьы игәалашәоит Алексеи
Краиниуков дгачамкны шьхеи мшыни дышрыхәаԥшуаз.
– Еиҳарак урҭ рсахьа ақьаад ианысҵарц сҭаххеит,
шықәсык ааҵхьаны, ҳахьынтәааз, Украинаҟа ҳхынҳәны ҳанца
ашьҭахь. Убри амш сгәалашәараҿ иаҳа егьаанхеит.
– Избан?
– Уаҟатәи сҩызцәа хәыҷқәа ахаан шьхеи мшыни рымбацызт. Урҭ ирзеиҭасҳәарц салагеит шаҟа иԥшӡоу Кавказ.
Егьа ирԥшӡаны исҳәарц салагаргьы: «Ашьхақәа ҳаракуп,
амшын дуӡӡоуп, иҭбаауп» – абриак акәын исҳәоз. Дара
ахыччон, сара ажәақәа сызхомызт. Сандыргәаа, ҽазны санаауа рсахьақәа ҭыхны ишәзаазгоит сҳәеит. Уаҳа ишԥеиҳәои
ахәыҷы хымдыр. Усҟан иабаздыруаз, амшыни ашьхақәеи
рыԥшӡара ааурԥшырц азыҳәан, сара сакәым, Аивазовскии Левитани рқыцәқәагьы шымчыдоу. Аха сҩызцәа ажәа
рысҭахьан. Ҩбагьы, абасҟак зыԥшӡара сзырбаз ашьақәеи
амшыни рҿаԥхьа ауалԥшьа сыдын.
– Инаугӡама нас уи?
– Мап. Иахьа уажәгьы ус сааиуеит. Ауаҩы ауаа рҿаԥхьа
мацара акәымкәа, аԥсабара аҿаԥхьагьы ауалԥшьа идуп.
Аԥсабароуп иара ԥсыс ихоу. Рыцҳарас иҟалаз, уи бжеиҳан
ҳазхәыцуам.
Ҳаицәажәо ҳгылоуп исахьаҭыхырҭатә ҟазараҿы. Сара
акакала иҭыхымҭақәа срыхәаԥшуеит. Ииҳәо ажәақәеи, сара
сызхәаԥшуа иусумҭақәеи еимадоуп, еидҳәалоуп, ишеимадоу
еиԥш аӡи, аси, аӡышьҭреи. Аӡиас аласышьалеи аҟазшьалеи
иудыруеит, изҭысны иаауа аӡышьҭра адәы иашара иагәылгоу,
мамзаргьы ацаҟьақәеи аҿыбгарақәеи ирыҿганы иаагоу. Абри
акәхап изахьӡу, қыцәи калами зку аԥсҭазаара разааигәара.
Рхаҭақәа уи аилашыра иагәылазар, рбаҩхатәра иарҿиазгьы
аԥсҭазаара иагәылгамхарц залшом.
Аԥснытәи АССР аҟны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы ҳәа ахьӡ
зху, Алексеи Краиниуков, тема хадас имоуп ҩба – Аԥсни Украинеи. Украина диит, Аԥсны дааӡеит.
– Ашкол уабаҭаз? – снаиазҵааит.
– Бомбора аҳаблаҿы. Иахьа уажәгьы дысгәалашәоит
сырҵаҩы Надежда Николаи-иԥҳа Светлова. Сара сеиԥш,
Лыхнынтә, Бомборантә, Гәдоуҭантә уҳәа, уи ашколахь инеиуаз,
шаҟаҩы ахәыҷқәа лааӡазеи, шаҟаҩы дырхамышҭуа дынхазеи
уи арҵаҩы?
– Лыԥсы ҭоу?
– Ааи, апенсиахь дцахьеит. Зыԥсҭазаара аԥсуаа рҵеицәа
рааӡара иазызкыз аурыс ԥҳәысуп. Арҵаҩы бзиа, аԥсуаа
шәыдгьыл қьиа, шәыдгьыл ԥшӡа, ашкол саналга, – Одессатәи
асахьаҭыхратә училишьче Грекова лыхьӡ зху, ажәакала, зегьрыла сманшәаланы сааиуан, иаалырҟьаны зегьы иеиқәыбга
имцазҭгьы. Зегьы ироуит даҽа хырхарҭак. Ақыцә наҟ
икаршәтәхеит, абџьар шьҭыхтәхеит.
Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны, Аԥсадгьыл
ахьчаҩцәа дрылагылан Алексеи Краиниуков. Адокументқәа
срыхәаԥшуеит. Афашистцәа асовет дгьыл иқәырцеит, нас акакала рхы иақәиҭыртәуан Европатәи аҳәынҭқаррақәа раҳҭнықалақьқәа. Алексеи дызлаз ар хәҭа Берлин иалалеит. Абар,
иԥыржәаз ҭыҩраҵас, иҟәыбаса еилажьуп Реихстаг. Аха уаанӡа
изныкымкәа ахәрақәа, агоспитальқәа, аконтузиа… Нас аибашьра анеилгагьы, Берлин игылаз асовет ар хәҭа рҟны аангылара. Инеиԥынкыланы жәибжь шықәса абџьарла ихьчон
Аԥсадгьыл.
– Сара сразҟы иаҵанакит. Аҵыхәтәантәи схысра Реихстаг
иақәкын. Шаҟаҩы уаанӡа изымнаӡазеи! Урҭ, иҭахаз рҿаԥхьа,
ҳара, еиқәхаз иҳадуп ауалԥшьа. Акы, иаҳхаҳмыршҭларц,
ҩбагьы, ҳазықәԥаларц урҭ рхы зқәырҵаз – Аԥсадгьыл ахьчара.
Еиҭах ауалԥшьа. Сара игәасҭеит, асахьаҭыхҩы ари ажәа
уажәы-уажә ицәажәараҿ ишналаиршәуаз. Иҟалап, дарбанзаалак аҟазара арҿиара знапы алаку, аус изыруқәо ируакзар,
уимоу, егьраԥхьагылазар убри, ауалԥшьа анагӡара.
Украина, Аԥсны, аибашьраҿ иҭахаз… Ишԥанагӡатәу урҭ
зегьы рҿаԥхьа иуду ауалԥшьа? Ауаа рыла. Џьоукы алкааны. Сахәаԥшуеит исахьақәа руак. Абар Владимир Ҳаразиа.
Аибашьҩы, ахаҵа гәымшәа. Уи иблақәа урхыԥшылар,
убасеиԥш иҟоу агәаӷ рхыубаалоит, иумҳәарц залшом, абри
иеиԥшу афырхацәа ыҟанаҵы, ишәарҭам Асовет тәыла ҳәа. Ахы
иқәшәеит. Дҭахоит иара ихаҭа. Иҟамлоз дҳәазаны ддәықәлар,
иԥсы аиқәырхара дашьҭалар. Ахаҵа дышгылоу дҭахароуп.
Ишыԥыруа иԥсыроуп ашьауардын. Даҽа ԥыҭҩык аӷацәа анихып иԥсадгьыл гәакьа. Аҵыхәтәантәи имч еизганы дҩагылан,
иршәуеит аҵыхәтәантәи агранат.
Аибашьра атематика иазку аҭыхымҭақәа акы, ҩба, хԥа…
Ирацәоуп урҭ.
– Уԥсҭазаара зегьы уи иазукыргьы, нҵәашьа змам темоуп.
Иугәаламшәои, Верешьчагин иҭыхымҭақәа реиҳараӡак аибашьроуп изызку. Сара сыблала избеит Реихстаг аилаҳара, уи
асовет бираҟ анахадыргылоз. Убриак мацарагьы акырынтә
иҭухыр ҟалоит, – иҳәеит асахьаҭыхҩы.
Уаҟа, маҷк иадамхаргьы, ауалԥшьа нагӡан. Иҟан асахьа
ҭыхҩы дзыргәаҭеиуаз, иахьагьы уахагьы дзызхәыцуаз даҽа
темакгьы. Амцабз иаҩызаз аԥсуа револиуционер Е. А. Ешба
В. И. Ленин иҟны днеихьан. Авожд дуӡӡа идҵақәа наигӡахьан.
Ус рҳәоит адокументқәа. Ари ахҭыс иалаҽхәоит аԥсуа жәлар.
Гәахәара дула ҳрыԥхьоит адокументқәа. Аха ишԥаарԥштәу
убри ауаҩы иблала ибартә?. Шаҟа хьӡы змоу ус дуузеи авожд
дуӡӡа исахьа аҭыхра, аха шаҟагьы ицәгьоузеи! Ицон аҵхқәа,
амшқәа… Аескизқәа акымкәа, ҩбамкәа…
Уажәы асахьа «Ефрем Ешба В. И. Ленин иҟны» ҳана
хәаԥшуа, иаҭахыхыз ари аҭыхра, авожд даланахаланы акы
иҳәоит, уи иуси иажәеи рынагӡара иазыхиоу аԥсуа револиуционер қәыԥш дӡырҩуеит, ажәак иеиҩиршәом ҳәа, иаармарианы
иаҳҳәар ҟалоит. Абраҟа акәхап иахьыҟоу аҟазара амаӡақәа
руак – иуадаҩу атема, иҵаулоу ахшыҩҵак, имарианы ҳарбара,
иласны ҳаҳәара. Асахьаҭыхҩы усеиԥш арҿиара дазкылсуеит,
акыр ихы аџьабаа анаирбалак, аԥышәа аниоулак ашьҭахь.
Еиҭах ауалԥшьахь ахынҳәра. Дахьиз аукраин дгьыли, дахьырааӡаз, дара дырҵеизшәа дахьрыдыркылаз аԥсуа
жәлари рҿаԥхьа идыз ауалԥшьа… Еиҭах иналукааша ауаа
рҭоурых, рбиографиа аҵара, аилкаара. Абас дшеимдоз, Алексеи имԥыхьашәеит Дырмит Гәлиа Украина дшыҟаз атәы зҳәоз
адокументқәа.
Украина дуӡӡоуп.Дабанеиқәеи? Еиликаарц ибарц ииҭахыз
абраҟа? Дырмит Гәлиа илитературатә рҵаҩцәа дыруаӡәкны
диԥхьаӡон Тарас Шевченко. Уи ипоезиа, исахьаҭыхра, ифилософиа, ижәлар рхақәиҭразы иқәԥара, ишынеибакәу зегьы
аԥсуа поет изааигәан, изгәакьан. Иажәеинраалақәа аԥсшәахь
еиҭаигақәахьаз ыҟан, иҵегьы еиҭеигарц игәы иҭан. Абар
адунеиаҿ еицырдыруа иажәеинраала «Ауасиаҭ ажәа».
Са санԥслакь шәара сыжәжы,
Адамра сҭаҵаны.
Сазан ҭбаа агәҭаны.
Са с-Украинаҿы,
Адә ду ԥшӡа ҭбаақәеи
Сара избауа, цқьа исаҳауа,
Иара абжьы шгауа.
(Еиҭ. Д. Гәлиа).
Иабыкәушь анышә дахьамадоу? Дгьыл иқәу ауаатәыҩса
зегьы рзыҳәан ихәарҭахартә, абасеиԥш иҟоу хәы змам амал
ду зҭынхаз апоет, гәаныла диеихырхәон, гәаныла диаҭабуан.
Иблала ибарц иҳаҭгәын, уаҟа шьыҵәрак ашәҭқәа ықәиҵарц
иҭахын.
Дырмит Гәлиа иԥшәма, иарӷьажәҩа Елена Андреи-иԥҳа
илгәалашәо илҳәоит:
– Ихы хтны акраамҭа дгылан Тарас ду иҳаҭгәынаҿ.
Дхәыҭхәыҭуа ажәақәак иҳәозшәа саҳаит. Анцәа диҳәоз
џьушьарын. Мамзаргьы ҭоубак иҭиуеит угәахәрын. Маҷк ихы
рҟәны, иҽыриашаны дгылан. Ашьҭахь сиазҵааит ухәыҭхәыҭуа
иуҳәоз закәыз ҳәа. Аҭак симҭеит. Аха ԥыҭрак ҵхьаны, сара уаҳа
сшимазҵаазгьы, иара ихала дааҟәымҵӡакәа дышизхәыцуаз
мҩашьо, иаалырҟьаны ус иҳәеит: «Иҳаҭгәынаҿ абас уангылалак, иара иажәеинраалақәа рыла, ихаҭа уаниацәажәалак, амч
ҿыц улалоит, иаҳа уӷәӷәахоит» ҳәа.
Дырмит Гәлиа ишьҭра дхылан, Тарас Шевченко анышә дахьамадоу Днепр ахықәан, Каневҟа дцеит асахьаҭыхҩы Алексеи Краиниуков. Абар аҳаҭгәын, абар уи аӡиас, абар Украина,
адгьыл каршәра…
Аескизқәа акымкәа, ҩбамкәа…
– Араҟагьы исзыԥшын уадаҩрак. Сара саннеиз шықәса
ҩажәа реиҳа ҵхьан Дырмит Иосиф-иԥа уаҟа даныҟаз аахыс.
Ари аамҭала акырӡа аиҭакрақәа ҟалеит. Тарас ду иҳаҭгәын
иахагылаз, аԥсуа жәлар рпоет зымҵан авенок шьҭеиҵаз,
абиуст ықәыргахьан. Уи аҭыԥан аукраин жәлар идыргылеит
абаҟа наӡааӡа, абаҟа ду. Еиҭах аԥшаара. Иқәыргаз абиуст музеик аҟны исыԥшааит, асахьаҭыхҩы далацәажәоит иҭыхымҭа
иарҿиашьахаз, уи аҭоурых. Сахәаԥшуеит ииԥшааз афактқәеи,
ибаҩхатәреи, ифантазиеи ирылҵыз.
Сара сҟазараҭҵааҩым. Аха уеизгьы-уеизгьы убиологзароума аҵла аԥшӡара убарц азыҳәан. Иаԥырхагам бзиа изубауа, изугәаԥхо узымҳәозар. Аус злоу, ухшыҩ акыр анаҳәозааит,
уцәанырра арбеиозааит, ублақәа аргәырӷьозааит узхәаԥшуа.
Ашәыгақәа иарбан ԥштәқәоу асахьаҭыхҩы ихы иаирхәазу, урҭ
шеинираалазу? Аӡәы игәаԥхоит шарԥазтәи ашәаԥшь, даҽаӡәы
хәылԥазтәи ашәаԥшь аԥштәы.
Тарас ду дыԥшуеит аӡиас Днепр ахь, уи анырцәҟа, ҳәаа
змам Украина акаршәрақәа рахь. Анышьақәа ирықәтәаны
џьоукы аӡиас ихуп. Аҳаҭгәын иқәу амармалташь ӷәы иа208
нуп апоет иуасиаҭ ажәақәа. Урҭ дрыԥхьом Дырмит Гәлиа.
Ҿырҳәала идыруеит:
Сара сыжәжы, нас шәа шәнагыл,
Ашьамҭлаҳәқәа нкашәыжь,
Нас ҳаӷацәа ршьала
Ицқьашәтә ахақәиҭра.
Саргьы ҭаацәара ду аҿы,
Ахақәиҭ ҭаацәа ҿыц аҿы,
Сышәхашәмыршҭын, сышәгәалашәала
Жәа хаа гәыҟаҵагала.
(Еиҭ. Д. Гәлиа).
Дгылоуп Дырмит Гәлиа илабҷашь хәыҷы инапы
ақәкны, ихы маҷк иааларҟәны. Аԥша асуеит. Ублала иубо
џьушьоит аԥша иасуа. Насҭха игылоуп уаҟатәи нхаҩцәақәак.
Урҭ рԥырхагам гәыла-ԥсыла еицәажәо ҩыџьа апоетцәа.
Аҩыџьагьы рмилаҭқәа реиҩызара иасимволуп.
Аԥсни Украинеи акыр ацәыргақәҵақәа ирыладырхәхьеит,
напҟазарала иҟаҵоу А. Краиниуков абри исахьаҭыхымҭа.
Уи иҳаракны ахә ршьахьеит аӡәырҩы асахьаҭыхыҩцәеи
аҟазараҭҵааҩцәеи. Уажәааигәа Украина иҭыҵит Тарас Шевченко изкыз ашәҟәы. Уаҟагьы аӡбахә бзианы иалацәажәоит
абри асахьа. Аха ахәшьара дуҵәҟьа арҭеит Тарас ду имузеи аусзуҩцәа. Урҭ асахьаҭыхҩы ашәҟәы изаарышьҭит дара
ираадирхәарц.
– Ируҭома? – снаиазҵааит.
– Сара исҭахыҵәҟьоу, Аԥсны иҟазароуп, – иҳәеит асахьаҭыхҩы.
Ҳанеиԥырҵуаз симазҵааит уажәы зҭыхра уаҿузеи,
планқәас иумозеи ҳәа. Исгәалашәеит ауалԥшьа азыҳәан
ииҳәаз ажәақәа. Уи здыруа аҟазара арҿиаҩы, ахаан иоуам
агәҭынчра. Еснагь имаҷишьалоит иҟаиҵахьоу.
Иҩны аансыжьит даҽа знык уахь анеира сеилаҳауа.
Гәдоуҭа шәнанагозар, уахь шәнымҩахыҵ шәаргьы. Дышә
ԥылоит асас инеира еигәырӷьо, ихиҿы аагьежьны, ибла
ҭбаақәа қьиаӡа, ашәыгақәа зымпыҵататоу асахьаҭыхҩы. Уаҟа
шәара ишәԥылоит аԥшӡара. Уи аԥшӡара иазнарҳауеит шәара
шәыжәлари шәыԥсадгьыли рышҟа шәгәаҵа иҭоу абзиабара.
Абри акәхап иарбан ҟазаразаалак хықәкы хадас иамоугьы.
«Аԥсны ҟаԥшь», 1973
АԤСУА ЛИТЕРАТУРЕИ АҲӘААНЫРЦӘТӘИ
АԤХЬАҨЦӘЕИ
Есааира иазҳауеит, аҽарҭбаауеит аԥсуаа рдоуҳатә беиара ду – рлитература гәакьа. Уи аԥсуа ԥхьаҩцәа рымацара
ракәымкәа, асовет тәыла ахьынӡанаӡааӡо аԥхьаҩцәагьы еицырдыруа иҟалахьеит. Уаҩ дзеигәырӷьаша акоуп иара убас,
аԥсуа шәҟәы аҳәаанхыҵтәи аԥхьаҩцәа рахьгьы имаҷымкәа
инеиуа иахьалагаз. Абар уи зырҵабргуа факт ҿыцқәак.
Ажурнал «Иностраннаиа литература» (аномер 12, 1972)
акритикатә ҟәша ианнаҵеит асовет литература аиҭагаҩцәа
аӡәырҩы рыстатиақәа. Абраҟа иануп асовет шәҟәыҩҩцәа
рҩымҭақәа араб бызшәахь ирацәаны еиҭазгахьоу Ливантәи
ашәҟәыҩҩы Никола Тавиль истатиа. «Ауадаҩрақәа рыгәхьаа
мкыкәа, аус улатәуп» ҳәа хыс измоу. Астатиа аҟны уи
дааҭгыланы далацәажәоит асовет литература бзиа ишибо, араб жәлар ахақәиҭраз рықәԥараҿы Октиабртәи
асоциалисттә револиуциа иахылҵыз алитература цхыраагӡа
дуны ишырзыҟалаз. Никола Тавиль ихаҭа нбанҟәшәаҩыс аус
иуан атипографиаҿы. Иусура иҽахаршәаланы еиҭегон асовет шәҟәыҩҩцәа ражәабжьқәа. Убарҭ ирыбзоураны Никола
Тавиль бзиа ибо далагеит Асовет тәыла, асовет уаа. Раԥхьаӡа
иҭижьыз ашәҟәаҿы ианылеит аурыс шәҟәыҩҩцәа Н. Тионови К. Симонови, аерманы шәҟәыҩҩы В. Ананиани, аԥсуа
шәҟәыҩҩцәа М. Лакрбеи А. Лашәриеи рҩымҭақәа. Абас ала, уи
ибзоураны араб бызшәахь еиҭаргахьеит иналукааша ҳаԥсуа
шәҟәыҩҩцәа ҩыџьа ражәабжьқәа.
Шықәсқәак уажәаԥхьа Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа реидгыла дсасны даҭан Даниатәи ашәҟәыҩҩы, акоммунист
Ханс Шерфит. Уи Аԥсныҟа дааит Асовет тәылаҿы акырџьара
данныҟәа ашьҭахь. Иԥсадгьылахь даныхынҳә Ханс Шерфит
иҩит «Шьыжь шәаԥшь атәылаҿы» ҳәа хыс иаҭаны, инеиҵыху
астатиа. Абри астатиаҟны уи бзиабара дула дахцәажәоит
Аԥсны. Абар, ииҩуа аҳәаанхыҵтәи асас:
«Ацаҟьақәа ҳрыбжьысны, амҩа уадаҩ ҳаныланы ҳцоит
Азанҭаҟа. Аиҩхаа ду наҟгьы-ааҟгьы иаҿагылоуп аҩнқәа. Араҟа
иаадрыхуеит аҭаҭын, аџьықәреи, ирааӡоит арахә. Амилаҭ
рацәа нхоит ари ақыҭаҿы.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15
- Büleklär
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3297Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3343Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3260Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22780.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3251Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3279Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21720.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3334Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23130.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3379Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3435Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22490.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3357Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21870.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3365Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3323Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3377Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21620.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3298Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3263Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22070.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3298Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3296Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21890.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3260Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21250.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3311Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22020.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3375Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22960.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3408Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3367Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3357Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3348Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3305Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20540.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3288Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 30Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3292Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 31Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3251Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 32Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3333Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 33Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3272Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21480.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 34Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3288Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20760.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 35Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 36Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3349Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 37Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3332Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21890.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 38Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3314Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 39Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3326Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21160.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа реизга. Абжьбатәи атом - 40Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 22Unikal süzlärneñ gomumi sanı 200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.