Latin

Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 23

Süzlärneñ gomumi sanı 3500
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Абдул-Чабдулаа роуп.
Џьоукы ашьыжь шаанӡа абга рԥылоит, џьоукы ажьа, џьоу­
кых аԥхын рымӡырха амаҭ шьқьыруа иҭалоит. Ус иҟоуп адунеи. Ир­ҳәоит, ажәытәуаа, аԥхын сымӡырха маҭык ҭамландаз
згәахәуаз, цашьхаду ҳәа ианашьҭоу ауха, хаҵак аҽага аашь­
ҭыхны им­ӡыр­ха дакәшон ицәыҟьҟьо, даҽаӡәы лыхәҭала ахәа
иманы уи дишьҭан, иахьцәиҟьҟьаз алыхәҭаҟынтә ахәа ҭаԥсо,
убас­гьы ҳәо: «Амаҭқәа, ҳара ихаҳкааз, ҳара иаҳтәуп, абрахь
аҭалара шәақәиҭым!» – ҳәа. Убри ашықәсан уи амӡырхахьы
маҭык неиуамызт иушьы иаанҵәозаргьы. Уи ақәашь змоу
имӡыр­хаҟноуп абас аныҟауҵалак амаҭқәа ахьымнеиуа. Ақәа­
шьда иҟны амӡырха уакәшаны ҽагала ацәыҟьҟьара, ахәа аҭаԥ­­
сара акәым, хә-аршьынак аҩны-агәара саркьала ихукаар­гьы,
амаҭ акәым агәылшьап мнеиуа убеит.
Алахь ауп, дад, аус злоу, улахь иану ауп уаҳа акгьы ыҟам,
уи узацәцом.
Ирымҳәои, быжьҩеишьцәа раҳәшьазаҵә аԥааимбарцәа
– ашацәа тәаны ллахьынҵа анырыӡбоз ирҳәаз. Ҩажәак
роуп илызԥырҵәаз. «Ақәыџьма дахәхааит!» Абас алахьынҵа
«ссир» лаҭәаршьеит ашацәа. Уи заҳаз, лашьцәа иреиҳәеит,
раҳә­шьазаҵә қәыџьмала дҭахараны ашацәа ишырыӡбыз.
Аишь­цәа рабџьарқәа рыбӷа нҭарс иаанкыланы абнаршәыра
инахеит, ааигәа рҳәеит, анаскьа рҳәеит, қәыџьма нырмыжьит, руа ршәаџьҳәаҩ ыҟамкәа зегь кьашшӡа иқәырхит.
Аха, иазаауеи, ԥыҭрак ашьҭахь қәыџьма ԥшьагьаҭҳа дук
аишьцәа рыҩны ааигәара абнара иадырбалеит рҳәеит. Убри
акәзаарын лара быжьҩеишьцәа раҳәшьазаҵә дызҿахә­ха­
раны иҟазгьы.

Дырҩегьых рмаҵуар лақәа аашьҭыхны уи инашьҭалеит.
Аԥ­ба ркит, иазааигәахеит, иагьеихсқәеит, аха иамуит. Ажәеиԥ­
шьаа илԥха рмоуит, наҟ быжьшьхакы ирыхцаны аишьцәа
қьыԥаха аҩныҟа иааит.
Мчыбжьыкгьы цқьа имҵыцкәа дырҩегьых уи ақәыџьма
ақыҭа ааигәара абнара иаалалеит, аха ԥхасҭа ҟанаҵаӡомызт,
инкылӡырҩ-аакылӡырҩуа иӡыӡымкуа акы иаргәаҟуа идәы­
қәын.
Дад, шәаҳәшьа адәахьы ддәылшәмыжьын изшәаҳҳәа­
заалак, уи ала (ажәытә уаа ақәыџьма ахьӡ рҳәаӡомызт, ала ҳәа
иашьҭан) аҟазшьақәа ҽеи иазҳәам, ишәызшьуазар ишәшьы,
мамзар… – рҳәон абыргцәа.
«Ааит, быжьҩы ахацәа бгак аҵкьыс ҳазымиааиуа иҟа­
ла­­зеи», – рҳәан идәықәлахт аишьцәа рҽеибыҭа, иҵдыр­
ҟьеит иара, иржәжәеит абнаршәыра, нас еихеит аԥсҭахьы
– уантә ацәҳәырахь, аҟәада ахьдыршит, аха иамуит, иамуҵә­
ҟьеит. Дырҩегьых быжьшьхакы ирыхцаны иааит. Уи нахыс
раҳәшьазаҵәгьы уаҳа адәы дықәрыжьломызт, абааш дҭар­
тәаны дрыман. Руа-рҭынхагьы – ахацәа лассы-лассы ара аан­
гылара иаауа иалагеит. Ари агәараҭаҟны кәтарцынак иаагәыд­
ҵаны иршьит, рбаӷьҵас ҿнаҭуа иалаган азы. Аишьцәа рмаҵуар
лақәа руак иаагәыдҵаны иршьит, есуаха акы абазшәа ашра
хҭанакуа, насгьы инышьҭафҩышәа-аашьҭафҩышәуа амӡырха
иқәын, зны-зынлагьы акы иаршәазшәа ихьаԥш-кәаԥшуа
аҩныҟа иҩуа, иаауа иалаган, нас иааҟәымҵӡакәа иӷазымызуан
азы. Иаанхаз аҩыза Дамшә, ҩымш-хымш ҿаҵа лбаанадомызт, аӡыҵәҟьа ажәуамызт, уажәы-уажәы иқәыԥсычҳауан,
алаӷырӡқәагьы акәаашон. Даҽа кәтыкгьы хәылԥазыла аҵа­
ра хҭанакын, уигьы иаагәыдҵаны иршьит. Убас рыцәҵыс
иааҟәымҵӡакәа ирықәхәаауа иалаган, убригьы иаагәыдҵаны
ир­шьит. Хысроуп ари агәараҭаҟны иҟоу, изеихсуа зегьы ршьуеит, ани ишьтәыҵәҟьоу ақәыџьма ада.
«Еи, дада-а, Анцәа абзиара ҟаҵа», рҳәон абыргцәа. Уахык ҵ­хы ҵәцан, аеҵәақәа даара ижәпаны, еилацәҟәысуа,
еидҽырбало ажәҩан иаҵаԥсан. Амзагьы ацә тәыҩеиԥш икьаб­
жытӡа амшын ихгылан, макьана ашара акрагын. Тыҩырҩырк

аҩсҭаабжьы ахаҵаны абнахьтә ицәыршәагаха иаалҩит. Ала­
ҳаҵлақәа иры­қә­жьыз акәытқәа рахьтә рбаӷьк атыҩырҩыр
ашьҭыбжь азы­­мычҳазт, иаӷьны аҭак ааҟанаҵеит, иаҳәаз иара
ахаҭагьы иазеилымкааратәа. Убри аамҭазоуп аҩнду ааҵраҿы
ианӷзы Дамшә. Илақәырццакынгьы аҵықь ааҭгеит. Аҵх ҭынч
иалҟьаз ари ахысбыжь ҵары адгьыл аарҵысны, абжьы ҭууа наҟ
ашьхарахь еихеит, бжьышьхакы, бжьымшынк инырхыҩрыла
ицеит. Аҩны ааҵраҿы еиӷрыблаа ишьны ишьҭан ақәыџьма
ԥшьа­гьаҭҳа. Ашьыжь ауаа неины ирбон уаҩ дызмыхәоз ари
ақәыџ­ьма, ицҳарашәа, ацқәа хырџьаџьаны ишьҭан.
«Абри ацәыршәага акәызма сара сзыҿҳәараны иҟаз!» –
лҳәан абыжьҩеишьцәа раҳәшьа лшьапԥықәқәа рыла ақәыџь­
ма ацқәа днархьысит. Ац ҵар лшьаргәыҵа иналакшеит, ларгьы
дҩахыԥсаа дцеит.
Абас ауп аԥсҭазаара шыҟоу. Ашацәа латәан быжьҩеишьцәа
раҳәшьазаҵәы ақәыџьма дахәыртәит, Маџьи асааҭҟаҵаҩы
Петрови, ахыхь бааԥс зызцәырҵуаз асолдаҭи, полковники,
ара иҳацу Иван иҷкәыни рызгьы Ашацәа тәамзи, урҭ ирыӡбеит
арҭ рлахьынҵа, Абдул-Чабдулаа рнапы ианызааит ҳәа. Урҭ
ирыӡбеит дара ртәала.
«Еицәоу Анцәа уақәимыршәааит», – аа, абри ауп уажәыуажәы Иван исеиҳәо. «Уҷкәын дзымцәажәои, дабахәу», – ҳәа
уиазҵаала уҭахызар, инахига-аахигоит, акгьы уеиҳәаӡом.
Уи­гьы уамак дақәымшәакәа дыҟам, аха иӷрагәаны имоуп.
Иашьагьы дицуп, ааи, арҭ мықәшәатәык иақәшәаны иҟа­
заап, аха ирҳәом, уи дара ирусуп. Агәаҟрақәа, агәаҟрақәа,
агәаҟрақәа…
Адырҩаҽны абар шьҭа шьыбжьон ааит. Адәыӷба иҭоу ауаа
махԥсахуа акы инацҳауеит, акы иаацҳауеит, аанҿасырҭақәа
рҟны шәырқәырк аархәоит, рхы ршьуам. Ҿашәа змамкәа
ачгара иҵоу Маџьи сареи ҳауп, уи гәеиҭеит Ивангьы. Ҳрыц­
ҳашьаны ихы ааирҵысит. «Еицәоу умбакәа еиӷьу уздыруам, акрышәфар иаҳа ишәзеиӷьуп, усгьы уи шәзынагӡом»,
– иҳәон. Уи Маџь ианиасҳәалак, «са инасыгӡоит, ҩажәамш
роуп амлашьра иаҭаху, нас сынырцә мҩа ашьшьыҳәа снықә­
лоит, сгәаҟҵәаҟрақәа, сдамыӷарақәа зегьы арахь иааныжь-

ны», – иҳәон. Ҳазқәиҭыз аӡы ҳахәо, хыхьтәи аполкақәа
ҳры­­қәиан ҳзазо, ҳалацәа нҭаауа, ҳаалҵуа, ахьшь чга еиԥш
ҳлас­­кәантраӡа. Гәыргәыр ахга, иабжьузеи анаџьалбеит абри
адәыӷба. Уагьарцәоит, уагьаанарԥшуеит, уагьаркаруеит. Мчыла уԥсгьы унаршьоит, иуқәшәира-исықәшәира иԥсы шишьара. Анхәаа равтобус еиԥш рхәарсҭацыԥхьаӡа иаангылоит,
Камшьышь иҽада еиԥш арзаақьҳәа иҳәҳәаны аҿынанахоит,
имықәшәатәыҵәҟьоуп адәыӷба, имықәшәатәы! Уаҵәы ахәыл­
быҽха аҩны ҳҟалоит Анцәа иуазар. Ҳашнеиуа дара ирыз­
дырӡом, Ан рыцҳа лыҷкәын дылбахьеит, жәохә мшы агоспиталь аҟны дидтәалан, данаауаз ишьапыргәыҵа неимдааимдо
дагәӡит, хынтә дизӡатәны дикәшеит, сузыԥшуп Маџь абааԥсы
аҩны ҳәаны, кәырбан лықәҵаны дааит лара, иԥшра лдыруеит, аха, иаҳәшьцәа Гәында, Асҭанда, нас ауниверситет ицҭаз
иҩызцәа шԥаниҿаԥшуа? Уи ауми иаргьы дзыргәамҵуа,
ихы игәахзыршәазгьы. Ҳаӷоу дмишәанха, дҿаасҭаха адәы
даақәхааит.
Ивани сареи атамбур аҟны абырқьҳәа аҭаҭын ҳшахоз
иасҳәеит Маџь еснагь иҿаку ажәақәа: «Адунеи иқәу ауаа зегь
реиҳа илахьынҵацәгьоу ҳәа аӡәыр дыҟазар убри сара соуп», –
ҳәа ииҳәо. Иван срыцҳашьаны акәзу, ма иара ихы рыцҳаишьозу
сыздыруам, дӡыҩӡа дшысҿаԥшуаз илеимеиҭәеит. Ахаҵа
дҵәуеит, ахаҵа! Нас иацәажәара сааҟәыҵын ани иҳавыҟьҟьа
ицоз адәы сакарақәа сырызԥшуа, аҭаҭын иҭхәааны сахо саагылеит.
Аӡәы ихьаа уздыруам ухаҭа уақәшәаанӡа, мамзаргьы
зыҷкәын дымԥсыц… Иҵалазеи абри ахаҵа. Ар рымаҭәа зшәу
иҷкәын дыԥшӡаҟәаҟәараӡа диварԥало аҩныҟа диманы даауеит, ииџьабои нас? Игәаӷьны сеиҭанаиазҵааит, илаӷырӡқәа
анеиқәтәа. Исеиҳәеит иҷкәын ихьыз. Иагьнациҵеит ажәаԥҟа
«Ак аҵкьыс ак еицәоуп» – ҳәа. Уҷкәын ихы-иҿы ԥхасҭазаргьы
дугоит аҩныҟа, ҵәҩанмырӡгас ҳәа уиқәгәыӷуеит, еиҭа даҽа
ҩыџьа аԥҳацәа шумоугьы. Иаҳҳәап, уҷкәын дуԥымлар ҟалоит,
иҟазшьақәа зеиԥшроу ала, ихы игәахшәаӡаны дыҟоуп, ихы
аказиур ҟалоит, ихьчара цәгьоуп. Иухасуа зымбои амҩа
ҳақәиижьҭеи, ашьышьма дҭалар уицҭалоит, атамбур ахь дааир

унеины ашә улагылоит, еснагь ас дузымбар ҟалоит. Иаҳҳәап
иамуит, ихы ҭаирхеит? Нас? Еиҭасҳәахоит иумами даҽа ҩыџьа
аҭыԥҳацәа? Сара саасҭа уара қьафура умоуп, џьанаҭ уҭагылоуп.
Ҳара абри аӡәк иоуп иани сареи адунеи иаҳзықәу, уигьы ихәра
зеиԥшроу абри ауп иҳәан ԥшьшьала слымҳа дынҭахәыҭхәыҭит.
Исеиҳәеит, аха изакәызеи исеиҳәаз. Илаӷырӡқәа ҭабазар акә­
хап, илацәақәа ҟаԥшь-ҟаԥшьӡа иааныжьны инеиҿаба ицеит. Иҿыблааны ҭаҭын ҟаҵак даханы данаалгалак, уи ҵаҟа
еихыҩры-еиҵыҩруа иҟаз атамбур иныбжьаршәны, ишьапала ацыблыха нықәырҟьыцны, аҩыза ааиҿакны амца нацраирсуан. Убригьы аҭаҭын дамыхеижьҭеи даара акырҵуазшәа,
игәылцәааӡаны аҵанӡа илеигон. Уантәи асаркьа далԥшны
ииаҟьа ицоз ашәаԥыџьаԥ, аҩны хасыҟә хәыҷқәа, адәеиужьқәа
уҳәа илаԥш нархьырсуа, иуазгьы ҭынч аҳәара даҿын. Иҷкәын
қәашьда иҭоурых хәыҷы, иҭоурых ду иҳәон, иҳәон иԥсахы
ҭыкәкәааны, даныхәыҷӡаз, агарашәа анизырҳәоз инаркны
иааихигахьоу амыҟәмабарақәа, амашәырқәа зегьы. Машәырс
адунеи иқәу рыбжа Иван иҷкәын изкны Анцәа дишазаап,
убысҟак арыцҳарақәа дрықәшәахьазаап. Аҵыхәтәан арра
дцаанӡа иҩызцәеи иареи рыҽшыркәабоз иара аӡы даанахәеит.
Дагьԥсымкәа, дагьбзамкәа аӡы дамырхит. Уажәшьҭа ҩысҭаа
мусхәыс иҟаз ацәгьарақәа зегь ихигеит, ажәҩан аҿаԥхьа
«иуалԥшьа» неигӡеит уаҳа уадаҩрак дақәшәом рҳәан, амырзакан еиҵҳәаны иарҳәо, арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ахьыџьџьаҳәа
ишәаҳәо-икәашо ҵыԥх адәыӷба днақәыртәаны арра дрышьҭит.
Уантә Афганисҭанҟа, Абдул-Чабдулаа рахь. Уажәы аҩныҟа
дааигоит. Уи дзықәшәаз аҳәара уадаҩуп, ихьанҭоуп. Сара
сыҷкәын Маџь акгьы дақәымшәазаап ари иаамышьҭахь, Петров асааҭҟаҵаҩи, ахыхь бааԥс змаз асолдаҭи, аполковники
акгьы иақәымшәазаап Иван иҷкәын иаасҭа. Ак аҵкьыс ак
еицәоуп, зыҷкәын дымԥсыц уҷкәын…
Ашьҭахь снеины аҩада сгәы рханы, уажәы-уажәы сганахьала ицәоу сыҷкәын иахь снаԥшуа снаиеит. Схы снапсыргәыҵақәа
аҵырҟьоуп, схәыцуеит, схәыцуеит, сеиҭахәыцуеит. Ҳаӷеиҭа,
сыҷкәын заҵә дыԥсны, ма дыршьны иацы анышә днаҭаны
сааи­хыҵзаргьы, Иван рыцҳа иаҵкьыс сара сеиӷьзаарын, сагьа­

банӡеиӷьыз, уи сара иабаздыргәышьоз. Ак аҵкьыс… «Угәы каумыжьын абааԥс, ахаҵа дызқәымшәо акгьы ыҟам» – аныс­ҳәа
дааԥышәырччеит. Шьҭа уара уҷкәын: «Адунеи иқәу ауаа зегь
реиҳа илахьынҵацәгьоу ҳәа аӡәыр дыҟазар убри сара соуп»,
– ҳәа ииҳәо ажәақәа иаҳа изықәнагода, уҷкәын иакәу, сара
сыҷкәын иакәу. Ак аҵкьыс…
Сара садрес Иван исҭеит, иара иадрес сара изгеит, наҟ-наҟ
ҳаҷкәынцәа ирԥеиԥшхо алеилаҳкааразы. Ахыхь бааԥс змаз
асолдаҭ ҷкәын аҵхагәаны ихьаа анизцәырҟьа ихәшәтәҩы
диқә­шәазҭгьы, агәыр изыҟеиҵазҭгьы, иԥсы ҭамзаауази уажәы.
Ампыл аԥенџьыр инкылдыруаауеиԥш, иааргәаӷьуазеи џьоукы,
ҳаԥсып ҳәа абыжьбатәи аетаж икылԥо. Ҳаи, аԥсҭазааражә,
иаҳҳәеит ҳәа...
Шәача Иванраа ныжьны ҳдәыӷба арҵәааҳәа иҳәҳәо Гудоу­­
ҭаҟа идәықәлеит. Атамбур аҟны ҳгылоуп Маџьи сареи, аҭа­
ҭын ҳахоит. Ҳашьҭахьҟа амҩа хара, амҩа цәгьа ҳазнысыз
ахь ауп ила ҭраа дахьԥшуа Маџь, ԥхьаҟа – Гәдоуҭаҟа акәӡам.
Ша­ҟа ҳаҩны ҳазааигәахо аҟара, игәалаҟазаара бжьысуеит, ашәытара иҿысуеит, усгьы дцәажәаӡомызт, аха уажәык
дааҟәыҵӡеит. Амлашьрагьы ҳхашҭит, ҳкала-калаӡа, аԥша ҳау­
ҭар ҳагоит, хәымшуп аҿаҵа лбааҳамдеижьҭеи.
Абар шьҭа аҩны ҳазааигәахоит, ажәақәак исырҳәар сҭах­
хеит. Ҳашьҭахьҟа амҩа хара, амҩа хьанҭа, ҵыхәаԥҵәара
зма­мыз агоспиталь, анаҟәа, аҳәыҳә-гәаҳәгәыҵәақәа, абыжь­
батәи аетаж уҳәа аџьаҳанымра ҳҭыҵит сызкәахшоу, сызӡа­
тәу Анцәа имчала. Ҩбаҟа-хԥаҟа ажәа сеиҳәар маҷӡак сгәы
ааҟәандамхози уажәы. Аԥсны рыцҳа амра ықәыҷҷо, ҽаҩ­
раҭагалара, ашәырқәа, аҽаҩра барақьаҭха ҳналагылоит, иан
лнапы ыргьежьуа диԥылоит, иаҳәшьцәа ракәзар – ус. Иҿы
ааихыԥхьар, ажәақәак иҳәар, акгьы ҟалом, иаԥшьазгап:
– Маџьаа!
– Изакәи, саб?
– Шьҭа аҩны ҳазааигәахоит, ибзиами?
– Иахьа акәу, уаҵәы акәу ианбасзуԥшаауа, саб?
– Изакәи иузысыԥшаауа? – Маџь изыҳәа исымԥшаараны
иҟоузеи изакәу сеиҳәааит. Быжьрабыжьҵәа адгьыл иҵазар

иҵысхуеит, бжьымшынк, бжьышьхак ирхыгазар икылырҵәраа
изаазгоит, изакәу сеиҳәааит. Иҳамоу зҳамоу ҳхазоуми, Маџь
изы акы сеигӡараны сыҟоума…
– Зҿумҭои, саб, иухашҭма сызургәыӷыз?
– Изакәи Маџь, исгәалашәаӡомеи, исоумҳәо?!
– Иугәаламшәозар сара иугәаласмыршәои. Арахь ҳан­
дәықәлоз ҳашԥеинаала, ҳашнеилак еиԥш уара ашҳам уԥ­шаа­
уа, ҳҩыџьегьы иаҳфо ҳәа еибаҳамҳәази? Иухашҭма?!!
Сара сыбыз ауми изхароу, иҭахырҵәаша сыбыз, дысмыр­
цәажәар еиӷьымзи, бзиак сеиҳәозма, мызки бжаки раахыс
дызҿу акәымкәа, даҽак иҳәозма уажәы.
– Уи раԥхьа сара исфоит, уара иуҭаху ҟоуҵап, усҟан сыла
иабаӡом.
– Уара изуфагәышьозеи, ашҳам «за компанию» – ҳәа аума,
уа­ра иуԥшаауеит, иахьа, ма уаҵәы иахмырԥакәа, сҩызцәа
сба­раҳәа агәырқьҳәа идәықәлаанӡа.
– Ааи, Маџь, ааи, иузысыԥшаауеит, уи еиӷьу хәшәы ыҟоу
џьушьоу аԥсҭазаараҟны…
– Са сыхәмарӡом, саб.
– Уааи уи акәымкәа бзиак, хаҵарак атәы ҳалацәажәапи
уара Маџь, уԥҳәысхама уара. Хаҵаусын узықәшәаз, уалҵит
Анцәа имчала. Акәтыҭра ушҭалоз иумыхьт, жәларык сыхьчоит
ҳәа уаҿын…
– Абдул-Чабдулаа ракәзу исыхьчоз?
– Урҭ ракә, егьырҭ ракә, аҳәынҭқарра иуднаҵаз ууалԥшьа
наугӡон. Ҩ-рык еибашьуан, Кьынтышә ацалаҟьа дықәтәаны
икәытқәа иԥхьаӡон ҳәа уара уи аҩыза ҟоумҵеит. Уи хаҵа­ран,
хаҵарыла уацәцеит, уажәы уҽушьыр уҭахуп, ухы-уҿы ԥшӡам
ҳәа. Иазырха урҭ агаӡажәақәа рҳәара, уи аҵкьыс ажәытә
хаҵарақәа ҳрылацәажәап.
– Иҳәала, саб, иҳәала, урҭ ажәытә хаҵарақәа, иахьа иҟам,
иҳәала сузыӡырҩуеит.
Лыхьӡ – лыԥша мра каԥхаран,
Манча ахаҵа дбахәаԥшьны,
Ҵабал шыҟоу днеиҿаԥхеит,

Аҵыхәтәаны дигәаԥхеит.
Хьыӡла-ԥшала игәы лызцеит,
Лашҭаҟынӡа снаӡап – иҳәеит,
Абла ҭыԥха дызбап – иҳәеит.
Дсынасыԥзар дызгап – иҳәеит.
Иҽыхәа иаҵәа – ааҭигахит,
Егьыгь кәадыр – нақәиҵахит…

– Ишԥаубо Маџь?
– Иҳәала, саб иҳәала, иҟаиҵеи нас Манча ахаҵа, дигоу
Баалоу-ԥҳа Мадина?
– Иуасымҳәои уажәыҵәҟьа:
Ԥшькьаҿ-иԥа Манча ахаҵа,
Ииҳәаз неигӡар акәын,
Дызкыз дицәцар акәын,
Иаӷа дишьыр акәын.

– Убри иоуп ахаҵаҵәҟьа!
– Нас Маџь, нас.
– Иҳәала саб иҵегь, макьана сааҭк ҳамоуп амҩа, нас ашҳам
сзуԥшаап…
Абыжьҩеишьцәа раҳәшьазаҵәы,
Баалоу-ԥҳа Мадина.
Абыжь – кәасқьак рықәцәаҿы,
Дықәыртәаны дныҟәыргон,
Быҩлашала ддырчон,
Нышә хьшәашәа лшьапы амбацызт,
Гәацәыхьажәа лмаҳацызт,
Мрада дыԥхон,
Мзада дкаҷҷон.

– Нас, нас, саб, уаҳа ыҟаӡами? Димгаӡеи Баалоу-ԥҳа Мадина?
– Димгеи, дышԥеимгоз.

– Сара сеиԥш ихы-иҿы маамынха иҟазар диццарызушь
Ма­­дина?!
Абаҭаа Беслан ахаҵа,
Шықәса шәи акы абна дылан…

– Арысҟатәи аамҭа абна илихози Беслан, дыбнауа­ҩым­
хаӡеи?
Ибна мыжда ааихашҭын.
Иҩны мыжда нигәалашәеит.

– Шәышықәса анҵоума иҩны анигәалашәа ианаџьалбеит,
гәнымҩык иакәзаарын…
Ҽыхәа иаҵәа ҽырба-ҽырба,
Иашҭа аԥынҵа дааҭамлахи.
Иԥҳәыс хәыҷы лынаԥшымҭа.
Лыла ҵыхәа дныҵамшәеи!

– Шәышықәса иимбацыз иԥҳәыс уажәгьы дхәыҷызма?
Зым­ҳа-зымҭак лакәызма, аамҭа аангылама?
– Уаангыли уара Маџь, иуҭахӡами, саҟәыҵуама?
– Мамоу, мамоу иҳәала.
– Абар шьҭа Гагра ҳааины ҳаҟоуп. Маџь, иубоу шаҟа амра
хаау, амшын шаҟа иҭынчу, ҽаҩраҭагалара барақьаҭра афҩы
лаҳалаҳауа уԥынҵа иҭамсӡои?
– Аԥынҵа змоу иоуми, афҩы лаҳалаҳауа зԥынҵа иҭасуа…
– Маџьаа, згәы цаз иҽыҩ иамгаӡеит рҳәеит. Иухьи абааԥс,
ушәаӡеитеи. Ашәара аҩсҭаа ицырҟьоуп. Ахаҵара Нар­ҭаа
ирхылҵит. Уара Маџь, Кьахь Ҳаџьараҭ уиҵкаруп, иухоумыр­
шҭлан абааԥсы.
– Сышиҵкару ҩашьом, уи иҽишьит, саргьы уи амҩа сы­
қәууп… генетика…
– Уи иҽзишьыз зынӡак ихазуп…
– Адунеи иқәу ауаа зегь реиҳа…
– … илахьынҵацәгьоу ҳәа аӡәыр дыҟазар…
– …убри сара соуп.

Шьҭа даҽа маҷк исзахыгар, аҩнгьы ҳнеиуеит, ух гәышьагьы
сҳәап, суалԥшьа насыгӡеит сҳәап, наҟ-наҟ илахьынҵа иара
иӡбааит шьҭа, уаҳа сылшом. Зхы нықәҵаны иԥсыз ибаргузеи
– аџьанаҭ.
– Маџь уӡырҩуама?
– Ааи, сӡырҩуеит.
– Аҷкәын ԥагьа итәы удыруама?
– Мамоу.
– Уӡырҩла:
Аҷкәын ԥагьа, ԥаҵа кьакьа,
Ҽабаа хыс-хыс, кәадыр ҷыжь-ҷыжь!
Ауаа ируа ҳәа кәымжәык ишәуп,
Инарҳәы-аарҳәшәа кабак аҵоуп,
Ицымцаша ԥҳәызбак длышьҭоуп,
Дгәаҟуеит – дҵәаҟуеит есқьынгьы,
Длықәшәом иеиԥш зеиԥшу аӡәгьы.

– Уи са сеиԥш иҟоу рыцҳак иоуп…
– Абар, абар, шьҭа ҳааит. Ҳдәыӷба аақьыԥсықьын, ихьы­
шьыр­хха (Маџь иеиԥш) Гәдоуҭа астанциаҟны иаанҿаст.
Атамбур аҟны ашә ааимҟьеит, сара аԥхьа сгылоуп. Маџь
дхьышьырхха ижәҩа скуп. Атамбур амардуан сшьапы ла­
ҿаскит.
– Саб, уара уца, суҳәоит акы еиԥшымкәа, уара уца, сызцом
сара аҩныҟа ас, сызцом. Изхоумҵои саб, агәы ҳәа акыр сымоу
џьушьома, уи кыдыҩрны исыӷражьуп, сызцом сара аҩныҟа.
– Уабацо, нас, аҩныҟа умцакәа, ус умҳәан абааԥс Маџь,
аџьаҳаным еилашыра ҳалҵны аџьанаҭ шкәакәахь ҳааизар
ҳәа аупеи…
– Дорогу даите, дорогу…
– Ауаа ҳарԥырхагахеит, улыбаа арахь Маџь, угаӡамхан
абааԥс, угаӡамхан.
– Сцаӡом сара аҩныҟа!! –днаскьан имаатуаз ашьҭахьтәи
ашә шьҭахьла днадыӷәӷәалт. Саргьы уахь сҩыхәнеит. Ауаа
ҳавыҩрны, аттаҳәа алыбаара иалагеит амҩа анраҳҭагәышьа.

Снеидгылан иҭырбаҟаӡа еибаркыз исолдаҭ кьаҿ ахәдаҟны
ҩбаҟа ҳәынҵәра ааԥсыртит, снапсыргәыҵала игәы аасшьышьит. Игәы хьшәашәаӡа акәын ишыҟаз, ҳаӷеиҭа… иԥсы ҭамшәа,
снеиҿаԥшит, узҿыԥшуа дабаҟоу акәымзар. Бџьарла данхәы
ашьҭахь, ар ҳәызбас ирымаз зегь еизганы иара иҿыршьуазма
ранаџьалбеит!
– Иухьи, саб, ухаҵами уара, акьажжыҳәа ушԥаҵәыуа?
– Нас, иҟасҵари уаҳа. Ҳамчабжь ҵит ҳаф ыҟам, ҳажә ыҟам,
ҳаихьынҳаланы, ҳаибакеибашьҭуа, ҳрыцҳахәха ҳаа­уеит адгьыл аҵантә, уажәы аҩны ҳанааи уеиҭалагахт, уаба­цо нас ара
улымбаакәа, уда аҩныҟа сшымцо уажәгьы иузеи­лым­кааӡаци?
– Сцоит, соужь – Аҟәаҟа. Уантә ари аныгьежьуа салацоит…
– Иаба?
– Наҟ, ҳахьынтәааз – џьаҳанымҟа. Зегь акоуп сҽысшьуеит
сара, уааԥсарақәа зегь башоуп.
– Уара аҩны ҳнеип зны, уа аҽшьырҭа умоур ҳәа ушәома,
аҩны ҳашьҭы уара зны, уан дыԥшуп, уан дрыцҳами уара. Уара
ҳәагәаҵәоума иуӷроу уанаџьалбеит. Улбаа Маџь, улбаа.
– Ашҳам сзуԥш…
– Ааи, иузысыԥшаауеит ашҳам шаҟа уҭаху, ԥуҭк, ҩ-ԥуҭк, уара
иузыфондаз, сыҷкәынзаҵә узыҳәа сзеигӡараны иҟоузеи!?
– Сара алаф сҳәаӡом саб.
– Ааи, ааи, саргьы алаф сҳәаӡом.
– Ҳабџьарқәа аҩны иҟоу?
– Иҟамкәа иабаца?
Саԥхьа дыргыланы ашьшьыҳәа длыбаазгеит, адәыӷбагьы
ҳара иаҳзыԥшызшәа арҵәааҳәа иаҵаҳәҳәаны аҭарчеи аманы
иҩықәхәаша Аҟәаҟа ицеит.
Аԥсны ҟьаҟьа, Аԥсны џьашьахә адгьыл ҳшьапы ықәгы­лоуп.
Исахәыҭхәыҭуеит, агәеисыбжь саҳауеит, ахылҩа-ԥсылҩа
ҟәан­даӡа иахылҵуеит, ашьа адақәа иахьрылсуа сныруеит.
«Уааит, уааит рыцҳа аҩныҟа, џьамыӷәас иҟоу зегь ухганы, дааугеит, дкылугеит ес иуулакгьы уҷкәынзаҵә – аҩныҟа,
уеиқәхеит шьҭа, уеиқәхеит. Зегь ҳаихылаԥшып, дҳахьчап,
хыхь – ажәҩан, ҵаҟа – сара, аҩныҟа дузаагомызт. Ахыхь бааԥс
ззаилоз асолдаҭ абыжьбатәи аетаж злахьынҵахаз диҩызахон

уҷкәынгьы», – абас исахәыҭхәыҭуан сыдгьыл гәакьа, сзыхшаз
сыдгьыл, нас акәа сынҭаршәны наӡаӡа сызҵәахраны иҟоу
сыдгьыл.
Аԥсра, аира, агәаҟҵәаҟра – нас аԥсра, наӡаӡа аҭынчхара.
Умир узыԥсуам. Насыԥ змоу дарбанху ари адгьыл аҟны: иины,
игәаҟҵәаҟны иԥсыз иакәу, имиз иакәу?! Имиз хьӡы имам, жәла
имам, разҟы имам, лахьынҵацәгьара имам, Мамсыр икамбашь
еиԥш зегь изеиԥшуп. Имиз ҳәагьы аӡә дымҵәуацт рымҳәои.
Сара абри адгьыл аҟны сзықәшәаз сақәымшәакәа имиз аӡә
иеиԥш сыҟазҭгьы исыбаргәыз. Наныкьаран уи са сзын, аха
сара иабаздыруаз акәымзар. Аира нас аԥсра!! Иабаҭаху мшәан
абарҭ зегьы. Уанихгьы уԥсҭазаара ҟыҟда-ҿыҟда, гәабзиара
– хабзиарала, насыԥ шкәакәала ақәра бзиа угар. Иаҳҳәап,
шәкы-ҩышә шықәса. Нас хьаа-баада, акрыф-акрыжә ашьыбжьон ухы нықәҵаны уцәт. Иаргьы ичаала кны дааины дааухагылт. Абри ԥсҭазаароуп. Ауаҩԥсы иоума аҟәрааныжәҵәҟьа
хышә шықәса ннаҵоит рҳәоите! Хышә шықәса ракәу уи
иннаҵо, хышәи жәеиза шықәса ракәу изыԥхьаӡаз дзусҭоу
аллаҳ идырп, аха хымԥада уи аҟәраан ҭакны ақәра зыԥхьаӡоз
ауаҩы хышәи жәеиза шықәса инареиҳангьы инызҵуаз аӡә
иакәымкәа дыҟам.
Нас уԥсит. Уабацо шьҭа? Ҩ-мҩакы ыҟоуп усҟан, уаҳа ыҟа­
ӡам. Уԥсы анҭаз, уҩуа зегьы урыхьӡашашәа адәы уанықәыз,
амҩақәа ирацәаны урнылон, урнысуан, аха зегь бжамҽамха
акәын ишынхоз. Уашьҭа уԥсит, иагьаауԥгылеит ҩ-мҩакы
хәхәа-хәхәаӡа. Амҩақәа рхыҵхырҭаҟны наҟ-ааҟ ҩыџьа ауаа
гылоуп, ҩ-гәашәк ҿоуп. Руаӡәы дыкьлантарха иоура наӡоуп,
ижакьа ӡышӡа, ихы-иҿы ҳалалӡа агәашә дылагылоуп. Уи
Аԥааимбар иоуп. Агәашә анаҩс цҳа ҵәрык хуп, аҵаҟа еибахеибафо, агыгцәа ргыланы ӡеиқәак цоит, ашәах хчыла. Ари ацҳа
ақәларҭа аҟныҵәҟьа ла дук аҽырқьақьаны ишьҭоуп, аҿаԥхьа
аԥаҵақәа хахаӡа цгәажәк аҵыхәа баба акәыршаны ииоуп.
Ихуп ара даҽа цҳа ҵәрыкгьы. Мыкьын рыцҳа дааиаанӡа
дымнеиааит, дышьҭахачаӡа, ижакьа асаара ишьҭассы, иҵыхәа
ҩызӡа дгылоуп аӡәы. Уи Аџьныш иоуп, лаки цгәажәки гьар­
гьалашьӡа уа идтәалоуп.

Арҭ ацҳақәа рахь унанагаанӡа абырцкал укылырхуеит.
Убраҟоуп иагьахьырыӡбо улахьынҵа. Аԥааимбар иахь акәу
Аџьныш иахь акәу уахьнанаго. Уԥсы ҭаны адәы уанықәыз бзиарамзар цәгьара ҟаумҵазар, хымԥада Аԥааимбар иахь унанагоит. Ус акәымкәа хыхь адәы уахьынӡақәыз цәгьа­рамзар бзиа
ҟаумҵазар, хымԥада укылхх унанагоит Аџьныш игәашәахь.
Аԥааимбар ицҳагьы ақәсра мариаӡам. Уа унанагар ацгәы
афырҳәа иҩаҵҟьаны ацҳа ҵәры абз ықәшьуа, ахәша ықәшьуа,
иҵәырҵәыруа иҟаҵаны инықәсуеит. Аха, иара убри аамҭазы,
ани ала ду итәоу ҩаҵҟьаны ацгәы иҵәырҵәыруа иҟанаҵаз
ацҳа инықәланы, абз лықәшь-ҩықәшьуа ибахӡа иааҟанаҵоит,
уаргьы умшәа-умырҳа, ԥшьшьала уи ацҳа ҵәры унықәсны,
Аџьанаҭ– мрашәахәа унҭагылоит, шәҭыла иҭалаҳау баҳча ссирк
уныҵалоит, уаҟа ӡиа ҭбаа дук ицқьакәакәараӡа, амлагәырқәа
акан рықәыҳәҳәа еилысуа иҭоуп. Аԥҟа шкәакәақәа рыхәдақәа
ырхәаны иӡса-ӡсауа еилысуеит, еилысуеит. Аӡиа иаакәыршаны
иахагылоу ашәаԥыџьаԥ шәҭыш иалԥраауа, аҷҷа-ҷҷаҳәа
ишәаҳәоит аҵарақәа.
Аԥҟақәа, аԥҟақәа. Ирҳәоит аԥҟа бзиа ашьҭыбжь быжьӡиаск
ирхыҩуеит ҳәа. Урҭ еилашьқьыруеит, еивагьежьуеит ара.
Ус улахьынҵамкәа Аџьныш иахь уианагар, уусқәа даарак
иманшәалахом. Уа итәоу ацгәажә ҩаҵҟьаны ацҳа ҵәры ахәша
ықәнашьуеит, ала ҩаҵҟьоит, аха уи ҿархха зынџьырла иҿа­
ҳәоуп, ахухуҳәа ишуа иахоит, иахоит азынџьыр, аха иԥыххааса
иазықә­ҵом. Ацгәеиқәаҵәа аусеиқәаҵәа ҟаҵаны аҭыԥаҟны иааины илаианы «хәырр, хәырр» ҳәа алацәа неиқә­наԥсоит.
Алагьы ацыгәгьы ауаҩы илоуп рыԥсы шҭоу. Аха, сыла иабаны аԥшәма акрысҿеимҵацт аҳәоит ацгәы. Ҵабыргны ацгәы
ахәы аноуҭо алақәа хнаҩоит, сыла иасырбарым ҳәа, ауаҩы
цәымӷас дамоуп.
Ала агәы шаҭаӡа, ахаҿы ҳалалӡа иуҿыԥшуа акрафоит, аԥ­
шәма ахы ихҭнаҵоит.
Абжьааԥны еилаҵәаҵәаны игылоуп атақсиқәа, иабанҵәа
уажәы ари ҳвокзал аҟны. Икьашхоу, икьашхааит. Ааи,
иуқәшәацәгьаны ушԥагылоу уара ахәаша рыцҳа. Аиҳаракгьы
убӷа ԥызҵәаӡо ицо-иаауа ауаа ахьуҿыԥшуа акәгәышьоуп.

Аҩада иувсуагьы, алада иувсуагьы ҟәадас ирықәуп ҩынтәхынтә уҿыԥшра. Ус Анцәа иуқәиҵеит, иҟоуҵарызеи. Умбои,
арыцҳарақәа зегь еиԥшым. Ак аҵкьыс… Амықәшәатә иақә­
шәаз Иван, аҩныҟа иааиго иҷкәынзаҵә илихи, ихаҵара ицә­
дырӡзар Абдул-Чабдулаа?!. Амықәшәатә иақәшәаз ахыхь
бааԥс змаз асолдаҭ, абыжьбатәи аҟнытә иԥаз. Амықәшәатә
иақәшәаз абыжьбатәи аетаж иахәхаз аполковник… Амықә­
шәатә иақәшәаз Петров асааҭҟаҵаҩ, дышҵәаа-ҵәаауаз зыӷ­
ра дыҭшаз иан гәакьа дныжьны дцеит, ҳаи анаџьалбеит, ҳаи
анаџьалбеит! Убас еиԥш иҟоу ан иарбан цҳаушь дахьнанаго
мышкы зны, Аԥааимбар ицҳа акәушь, ма Аџьныш ицҳа акәушь?
Аџьныш иахь акәхап.
Ахьышәҭҳәа атақси аанаҳкылан, ҳаманы иааит аҩны.
Ҳгәашә ҳанаадыххыла, ааҵәа еиԥш еиҩырҿахә атақси ашьҭахь
иҭатәаз Маџь иҽыҩеиҵихын ҳгәарԥ дынҭаԥшит. Иан ахәхәы
дқәыԥсычҳауа ҩымсагк кшәа агәарԥ дықәын, деидҩала.
«Абан сан дахьыҟоу!» – иҳәан иҽааириашан атақси ашә
ааимԥаа, иҷкәынласра изааины, дԥырԥыруа иан лахь дыҩт.
Ҵабыргны, иахьеи уаҵәи ҳаараны ҳәа иԥшымзи, ан зны дахь­
гылаз дшьаҳиҭхеит, лҩымсаг лымпыҵҟьан икаҳаит, нас лыҷ­
кәын хынтә дикәшеит.
Иан дыӡит ҳәа иаҳазшәоуп «абан сан дахьыҟоу» ҳәа дыш­
дәықәлаз! Иаҳәшьцәа аҩны идәылууааны рашьа рҽигәыд­
рыжьлеит, иҿаԥшит, имшәаӡеит. Саргьы заанаҵ адыррақәа
рысым­ҭахьази, дзеиԥшроу ҳәа… Акгьы умыхьӡеит, уара уха­
ҵоуп рҳәеит. Маҷк дааԥышәарччеит иара, иаҳәшьцәа рхы
днагәӡит. Нас, ишьҭахь игылаз сара даасыхәаԥшын:
– Узырҵәуеи уара саб, аҩны ҳмааи шьҭа?! – иҳәан дҩас­
ҿаԥшит. Сара сҵәуаӡомызт, ус сылаӷырӡқәа аауан, ҳаиманы
аҩны ҳахьааз сеигәырӷьаны. Чарлик ааин Маџь инихәаԥшааихәаԥшит, ишьапқәа инарыффҩит, маҷк иааҵыхәаршә­
шәеит, уеизгьы-уеизгьы шықәсыки – бжаки ҵуан дамбеижьҭеи.
Идымхалацәакәа иааидҵын сшьапқәа аҽынарышькланажьит,
Маџь даазгаз ушьапқәа срыкәыхшоуп аҳәашашәа. Иара ауми
ҳаҩнаҭаҟны зегь реиҳа иҟәыӷаха, Маџь арыцҳара дшақәшәаз
адырра ҳазҭаз.

Алеи аҽи ауаҩы ишьа рылоуп рымҳәои. Ацгәы акәымзар…
Ацгәы аӡын уаха шаанӡа «Хәырр» ҳәа ауаҩы икәаиоуп, аҽарԥ­
хоит, ашьыжь акранифо икьиуа иааимҵатәоит, акреимҭар,
ашьаԥхыцқәа иларԥаны ихоит, акранеиҭалак алацәақәа
еиқәы­ԥс­ аны, иамбаӡазшәа акрафоит, дырҩегьых икьиуа
иааи­ҵатәоит, «ҭыхә» уҳәеитҳәагьы угәхьаа акым. Уанԥслак
анарцә узго ацҳа ҵәры ахәша ықәнашьуеит уалыҩрны аӡы
уҭажь­ны џьаҳанымҟа уашьҭуеит. Маџь изы аԥхыӡ абаргьы
акыр­уанаҳәараны уҟоума, Чарлик зегь аҳәагәышьеит усҟан,
иааҟәымҵӡакәа иууан «шәҿыха шәанаџьалбеит, шәыҷ­кәын­
заҵә атыша ахықә дықәгылоуп, ашәарҭа бааԥс дҭа­гылоуп» –
ҳәа.
Маи 11, 1991
Переделкино

Пату уқәзымҵаз – пату иқәҵатәым
Аҽыҩҷкәынцәа иҭабаҟаӡа, еилххаӡа аҽқәа ирықәгылоуп.
Рыхқәа цаха ҟаԥшьыла икәыршоуп. Гәыԥ-гәыԥла иааиуеит
ақыҭақәа, азар ашәа, азар ашәа рхылҟьо аҳауа цқьа иалалоит,
амра гәыбзыӷ ашәахәақәа рықәыҷҷоит. Лыхнашҭа аџьџьаҳәа
ауаа рыла иҭәуеит. Хыхь абаа хыжәжәарақәа ирыдҷаблоит
ахәыҷқәа. Азар, азар ашәа рхылҟьо иааиуеит аҽҟазацәа, – ана
апҟацаҳәа – аҟамчышьҭыбжь гоит, ара – ҳаи-чаи. Иалагоит
аҵәеи­гәыдҵара, ҽыла ампыл асра, ԥсуаҵас аҽырхәмаррақәа.
Лыхнашҭа кәыршоуп уаала баагәараҵас, анахь еизыҩҩуеит,
арахь еизыҩҩуеит, напеинҟьароуп, гәырӷьароуп. Зегьы ирҭа­
хуп аиааира ргарц. Зегь аиааир иаҵахода мшәан?
Абри агәырӷьара ду, аныҳәа ду рбом џьоукы… Урҭ алакә иалашоуп. Рԥынҵақәа ҟаԥшь-ҟаԥшьӡа уаткажәроуп, ҩыжәроуп,
уарашжәроуп, буфеҭ цыԥхьаӡа инкыдгәыгәло. Рҽадыргаӡоит
арыжәтә, иахьа ироуз ауп нас уаҳа арыжәтә ҟалаӡом ҳәа
раҳаит урҭ.

Амра шаԥшаԥ ду шьыбжьы ихыҵит. Аҽыҩҷкәынцәа, ака­
лмаҳа иаҩызоу рыҽқәа кала-калаӡа рыӷәрақәа ианкны
иларгаҩаргоит. Аҽқәа рқьышә шьҭыршьыр ҟалаӡом, акәадыр
еиқәҟьаԥс хәыҷқәа аҟаԥшь рыҵаршәны ирықәыршәуп. Икәа­
боуп, ишьшьуп, ицырцыруеит аҽқәа. Аҽызцқьа уҭахума? Абан,
аӷлам иаҩызаха иахьааиуа. Аԥсуа ҽеиқәацқьа? Абан, ашәагаа
аамаҷны, лаҳәахӡыла иркәабазшәа, улаԥш уза­қәымкәа, аф­
фыҳәа аҽыҩҷкәын ишьҭаланы иахьааиуа. Иаа­ӡа­ӡымкуеит
уажәи-уажәи, иҩышьҭнакәыцәаауеит ахы. Аҩыз­цәа аҽқәа
инрылаԥшуеит, алымҳақәа шьҭкәыцәаа иакуп, аӷәырџ аргоит,
иаҿоу алагама. Иааникылоит, ахаҿы ишьшьуеит аҽыҩҷкәын
еиламгыла Ҟасҭеи. Иаргьы ахы ихьнашьуеит, ихьнашьуеит.
Иҿы­неихоит аҳаскьын иаҵәа дылаланы, ишьҭоуп, ахы шьҭ­
на­кәыцәаауеит, иланарҟәуеит, аҩызцәа инрыхәаԥшуеит, аӷә­
ра иахоит, аӷәырџ ааҿыҵгоит. Иааникылоит, ашԥы ыла­кәым­
пы­лаара инапсыргәыҵа рҟьаҟьа нахьишьуеит, ус, ус агә­чам
ԥшӡара… «Ҳанбоурышьҭуа? Знык ҳаурышьҭындаз. Аԥ­хьа ҳаз­
царушь? Ыы, с-Раԥ, угәы иаанагои?» – инапы аахигоит Ҟасҭеи,
аԥырқәцәқәа инапы рылишьуеит. Мҵык агәчам иаақә­тәан,
иаацәгәырӡыӡт, аҽы мҵы ақәнартәом. Амҵгьы абра иаҭа­
хи? Амҵ, амҵ… Дырҩегьх инахыԥраа-аахыԥрааит, нас ицеит
џьаҳанымҟа…
– Иааг у-Раԥ, сара ԥыҭк илазгаҩазгап, – Ҟасҭеи дааидгылеит иҩыза ҷкәынак – Кәымпыл зыхьӡыз.
Илеига-ҩеигеит, аҭәаҵла аҟнынӡа иганы иааигеит, ахы
ишьшьит, аԥышә ишьшьит.
***
Арҵәаа – арҵәааҳәа аҽыҩҷкәынцәа рыбжьы геит. Ашҭа
иакәыршаз ажәлар аақазы-қазит. Аҽқәа зтәыз руацәа, рҭын­
хацәа агәаҟра иалагеит, ирыҵдыруаауаз анышәқәа ахы­
кәалаақәа реиԥш ажәҩан иалалеит. Нас атах-ачах, атахачах ҳәа ана-ара инкаԥсеит. Ишгац игоит аҽыҩҷкәынцәа
рыҳәҳәабжь, аеҵәа кыдырԥаауеит, рыбӷахәыҷқәа ырхәаны
аҽқәа ирықәиоуп, зынӡаск уа иаласоуп. Арҵәаа, арҵәаа – игоит рыбжьқәа.

Ҟасҭеии Кәымпыли илеиваххы-ааиваххуа ашьҭахь игылоуп. Аҽқәа рхы иоурыжьуам макьана. Рҩызцәагьы усоуп,
аԥхьа игылоугьы иаӷәра аҿарххоуп дышцо. «Макьана, макьа­
на, аӷәра аҿакыз, аӷәра аҿакыз», «сара иуасҳәаанӡа аӷәра
ауумыжьын, даҽазнык шәанакәшалак ауп», – ирыцҳәҳәон
руацәа, рҭынхацәа. Урҭ ирҳәоз заҳауази измаҳауази еиҟаран,
аҽыҩҷкәынцәа амца шоура иҭаршәны иаман. «Аԥхьа аҩеира,
аԥхьа аҩеира, абааԥс сҽы, аԥхьа аҩеира, сумшьын, абааԥс»,
– абри ауп, уаҳа акгьы иҳәом аҽыҩҷкәын, уаҳа акагьы иҭа­
хым адунеи аҟны, абыржәызаҵәык аԥхьа аҩеира. Шаҟа бла
ихәаԥшуазеи, шаҟаҩы ргәы рфозеи… «Абыржәызаҵәык, аԥхьа
аҩеира, уаҳа акгьы сҭахым».
Абар, аҵыхәтәантәи акәшара, абар. Аҽқәа иеихьышәшәаеиԥышәшәеит. Џьоукы маҷ-маҷ иацхо, џьоукы маҷ-маҷ иацҵо.
«Иоужь, иоужь, ахы иоужь зынӡак, иоуижьгәышьеит аха,
иара уаҳа алшом, иҟаиҵари.
«Иоужь, ари аҵыхәтәантәи ауп, иоужь, аҟамчы», – игоит
абжьқәа, арҵәааҳәа абжьқәа. Ашәах рықәшуп аҽқәа, аҟамч­
қәа, аԥхьа аҩеира, уаҳа акымзаракгьы – аԥхьа аҩеира.
Абан, Ҟасҭеи и-Раԥ акакала аҩызцәа ныжьуа шьабсҭаҵас
икахәхәа иахьаауа. Уи ахы ақәырԥсыҵәҟьаны иашьҭоуп
Кәымпыл иҽы.
«Чамаа ртәы иамгакәа, уи есышықәсагьы абасоуп, ашьҭахь
ишгылоу, Ҟасҭеи аӷәра шаҿаирххо мацара, аҵыхәтәан ахы
иноуижьуеит, акакала инкаԥсо аҿынанахоит» – нас иаргьы.
Иаб рыцҳагьы ҽҟаза бзиан, дааиаанӡа дымнеиааит, иаб
иахь дцеит». «Иоужь, иоужь, иоужь».
Иоужьгәышьоуп аха… иабаҟоу. Аҽыҩҷкәын иҽы ацынхәрас
дылбааны дмыҩуазар, иара иаалкәкәаӡеите…
«Аӡлагарахь, аӡлагарахь», – ашьҭахь инхаз аҽы иахыччоит
џьоукы. Ус ауп иаҵахо хәҭас имоу. Аԥсҭазаара ус ишоуп. Абан
Ҟасҭеи иан лкасы аҿацә лыблақәа ирхкыланы дахьгылоу.
«Бымшәан, Машьа, быҷкәын итәуп иахьагьы».
Арҵәаа, арҵәаа, арҵәаа. «Иоужь Ҟасҭеи, иоужь, Кәым­
пыл духьӡоит». Ҟасҭеи иаҳаит аҳәҳәабжь. Иҽы дшаваиаз
ишьҭахьҟа днаԥшит. Кәымпыл иҽы ахы Ҟасҭеи и-Раԥ аҵы­
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 24
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2390
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3456
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3422
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2379
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2445
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2332
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3415
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3389
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2415
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3458
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2393
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2392
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3433
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2439
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3388
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2365
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3451
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2385
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3456
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2380
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3399
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2338
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3467
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2403
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3468
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3548
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3499
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2299
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3500
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 1205
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 841
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.