Latin

Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 13

Süzlärneñ gomumi sanı 3435
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
сык ааҭҟьан, аӡахәақәа иҩарыжәлеит.
Еиҭагеит иԥа ибжьы: «Уласы, саб, уласы, иҳагәҭасуеит!»
Ҳа­џьараҭ рыцҳа ишилшоз дыццакуан, абар, абар аҩ-бахәык
рыгәҭа днеихьан еиԥш иҷкәын арҵәаа ҩхиҵеит: «Саб узықә­
гылоу аӡахәа хырҵәоит, ушзахәо шьҭахьҟа угьежьы!» – ҳәа .
Астражникцәа реиҳабы – Амаан иҟама цырцыр ду ааҭиган,
аӡахәақәа нырцә иахьаларсыз ахҵәара далагеит.
Убри аамҭазы, аеҵәа кыдылԥаартә арҵәаа ҩҭлыргеит,
Гәындагьы хланҵы – џьаҳаным еилашыра дналашәкәеит,
дца­­ӡеит хланҵы. Лахьхьынтә, џьаҳаным рҩаш-бжьы шааҩыц
иааҩуан.
Егьи итапанча ааҭиԥааит Ҳаџьараҭ, иҭыԥшша иҟоуп, еиҵа­
ӡам. Усҟан, нахьхьи абахә ихықәгылаз стражник кылҳәа дук
ихаԥыц ҟьаҟьақәа аарԥшуа аҟырҟырҳәа дааччеит. Ардашьылгьы илеигәҭасын, дыкәлаауа иҿылеихеит атыша ма­
миқәарахь.
Ауаҩытәыҩса игәы мыжда иачҳауазеи. Уи џырлыхны
еиларҭәазаргьы илҿыӡҭаа ицап. Амбатә аҟажоит, аума ачҳа­
уеит, аха ианбанӡа?! Зегь ҳәаак-ҳәаак рымоуп, зегьы рымҩа­
қәа џьара-џьара иҿыҵәҵәоит, усҟан, џьоукы рыԥсҭазаара
убарҭ амҩақәа ахьҿыҵәҵәаз инаркны иалагоит, аха урҭгьы,
нас…

Ҳаџьараҭ дзықәгылаз аӡахәа аҟама аҿадырхацыԥхьаӡа
аҷҷа шахгоз мацара аҿахҳәа иааԥҵәан хыхь иикыз дкәалкәа­
ло длахьынҳалеит. Лабҿаба аԥсра абла аҭаԥшра ачҳароуп…
иҟаиҵои?..
Алада, иҵаҟа длаԥшит Акьахьба. Шьҭа усгьы уахь акәын
иахьимҩаз. Аҵан аӡырҩашқәа ирылыҳәҳәоз ацаҟьақәа дԥых­
хаа дрықәжьын Гәында, амаҭ еилысуа, илыкәша дырфон.
Лывараҟны лыҷкәын заҵә дыцҟьа дышьҭан.
Ҳаи, анаџьалбеит, ҳаи, анаџьалбеит!..
Абгьы арҭ дырҩызамхаргьы шьҭа нырцәыҟа дызханеиуаз
ҳәа уаҩ димамызт, деилгахьан…
…Дызхәаҽуаз ихыза длахан. Маҷк илиқәихит, аҭӡамц ахь
днаҳәит, нас – арахь. Ус, аҩада игәы ирхеит. Иԥштәыдоу ара­
хәыцқәа еиврыԥх еивҵан илахь агәҭаны. Аамҭа, агәырҩацәгьа
иннажьыз акаҷырақәа ракәын урҭ. Иара изгәамҭаӡакәа ԥшьаа­
ла иалнадон, иалнадон…
Игәы иқәҵаны ихаршаланы иикыз итапанча хьшәашәаӡа,
иҵаҟа ахыӷәра иқәыршәын.
Иԥштәы ихыгга. Дҟәашкакараӡа дыҟан. Дҵысҵысуан, игәы
мшын цәқәырԥоушәа ишьҭыԥа ицон, аха дзалҵуамызт уи
аԥхыӡ бааԥс.
Иааикәыршаны, иааузымычҳаратәы иҭынчран.
Ԥсҳәы лаҟәуп, ииашарҭоуп, ашьха ҳаракқәа ахчынгыланы ирыхьчоит, ԥша бааԥсык хьҭа цәгьак ара ҟалашьа амаӡам,
иара дзырҿыхои?
Ҳаџьараҭ дахьиоу аҩны ааҵра агәарԥ аҟны аԥыжә-ԥыжәҳәа
акрызфоз Араԥ ацламҳәашьҭыбжь анаҩс, ҷытбжьы ыҟамызт.
Дцәырҳаны дҩықәтәеит. Ихы наҟьа-ааҟьаны днаԥшыааԥшит. Ипыҟәпыҟәӡа иҿатәаз аԥхӡы имахәар нахьишьит.
Ҳам­ҭакы алашьцара ҳанто изыҩназ ауаҭах дыҩнаԥшуан,
ахышә ааигәара маҷк иҵлашаауан, уахь днахьаҳәит. Аԥенџьыр
ларшә днахеит. Иҵегь иаацәылашеит. Аеҵә жәпа, урҭ ара
даара илаҟәны икыдуп, ирҿыддуаз алашара ауп ари адунеи
хәыҷы ашәаԥшь ҭаа нахызҟьоз. Ихыза ааиԥхьеишьшьааит,
иварақәа ааимидеит. Нас ҵаҟа длаԥшит, инапы аашьҭишьын
ихьшәашәаӡа иааиԥыхьашәеит иара. Иара, аҿаԥ-аҿаԥ аҿыҵго

иахак еибамгоз. Баагәарашәа абџьар уақәгәыӷуеит иара
еибагаӡом. Аха, зегь зымчу анцәа ду иџьшьоуп уи ахьԥхыӡыз.
Анаџьалбеит, илабҿабоушәаҵәҟьа ишԥаауирбо, аҩсҭаа
ҟадыџь.
Ихчы инаҵеиҵеит итапанча.Ишԥаҟәымшәышәу,иқардышха
дызлаиоу ииарҭа, ишԥататоу! Абас ауми ауаҩы диазарц
шихәҭоу. Амшә ауп ацәаакыра зхьыхәхәа иҟоу Ҳаԥкылҵәа
аҭаиара зықәнаго, уа иҭаиазааит…
Уажәгьы ишьара дықәымлацт, идақәа еибархханы ашьа
рҭашәырц акгьы аарыгымхеит. Ицәа-ижьы дысын, иарбанзаалакгьы акы азеилкаауам.
Иаԥхьа чаҟәак азна ахырҵә-ӡҩа ашыцмҳаҵә алаҵаны
аҟәардә иқәгылоуп. Иаашьҭыхны иҩеиҿеикын аҟәырқьаҟәырқь­­ҳәа илалбааидеит. Иаха ачараҟны ӷәӷәала аҩы еи­
мар­­кит, дҿажәкны дышԥаҟоу! Ижәхьоумашь абрысҟак ахаан?
Мап, мап… Уи уаҩы ихәарҭам.
Ауаҩы арыжәтә рацәаны ижәуан азыҳәа дуаҩ ҟәышхеит,
унеишь-уааишьҳәа иарҳәо дҟанаҵеит ҳәа макьана уаҩы има­
ҳацт.
Ддәықәлароуп иахьа шаашалак еиԥшҵәҟьа аҩныҟа. Хым­
ԥада! Абар, Шарԥыеҵәагьы ажәҩан ҵыблаауа акыр иҩкыд­
лахьеит, ахышә аҟнытә ибарҭоуп. Махҽшәа зыбӷа ҭаԥҟаз,
инахьхьитәи ашьха иҩавҵыҵит. Уи иамаз акәадыртәарҭа агә­
ҭаҵәҟьа кылжәаны ауп аҩада ажәҩан ишкыдла аеҵәақәа раҳ.
Мза хәыҷык иаҩызаха, адунеи иқәнарԥхоит ашәахәақәа.
Ала ауубжьы иаагаз ихәыцра даалнахит.
Агәашә азааигәарахь ауп. Ажәҩан ахь ахы рханы, абни
Шар­ԥыеҵәа иазыԥшуа, аҵыхәа хәымбиҭә ашьҭырҽыланы
игәырԥшааганы иууан. Иабазеи? Ишуамызт иара, ууран изҿыз.
Изакәызеи анаџьалбеит, изакәызеи?! Алымҳа џадрақәа
ақәԥсаны, ахы ҩышьҭыхны, аԥынҵа ҭышәшәаарақәа аҩада
аҳауа иналаҵаны инага-аагауа, ифҩышәошәа иууан. Зны
инароуӡаны, нас игәырмаҷгаха, ашьшьыҳәа аҟрым-ҿрымра
иналагон. Ицәажәашама, иаапкыша!...
Иҵегьы аҽыҳаранакит Шарԥыеҵәа, шьҭа лассы ашәаԥшь
ҵнаго иалагоит ашьхақәа рахь. Амахҽшьхагьы еиҳа еилгаӡа
агага гәылҵуеит уажәы.

Иууеит ала, иууеит уцәа уҭанарӡыӡааратәы, имыткәмаха
аҳауа иналалоит ауубжьы. Нас хәыҷ-хәыҷы ашьхақәа ир­
ныҩуа, акакала ахәқәа инархыҵуа, наҟ, наҟӡа ицаӡоит. Ус,
уахьынтә, ажәҩан ианԥазшәа, игьежьны арахь иаауеит, ара
иахьааиуа, уи абжьы ԥсыда аамҵарс, ирҿыха, агәамч наҭаны
наҟ иноунажьхуеит уи ала.
Ҳаџьараҭ дахьышьҭаз ауада ахышә ахь иааскьома уҳәо
Дамшә ауубжьы ааигәахон. Избан, Дамшә иара иахь иааскьаны алақмар аҳәараны изыҟоу? Измааноузеи? Мамоу, ус игәы
иаанагоит ауп, Дамшә ашҭа иқәуп, зны агәашә иазааигәахоит,
алымҳацәқәа ақәԥсоуп, аҵыхәа ашьҭарҽылоуп. Нас абри
Шарԥыеҵәа иахәаԥшны, зны абрахь алада ахы ларханы, ауура иаҟәыҵны хьаа ӷәӷәак ҟажо иӷыӷуеит. Шьхала арахь данаауаз Араԥ агәы аладакәын иахьыҟаз, уимоу уахь ахы рхангьы
итәеит зны. Изакәытә ԥхыӡ мишәанқәази дызлаз, иаанагои
абри зегьы?!
О, Маџь! Шьҭаҵәҟьа узбар шԥасҭаху, уаҳа насылшаҵәҟьом…
Иаачҳа, макьана уабаҟоу. Мҩа хьанҭоуп узну, раԥхьатәи
ашьаҿеихгара уадаҩуп, рҳәоит, аха аныҟәара еиҳагьы еицәа­
заап ари аԥсҭазаараҟны. Изакәытә ччарази иацы исысыз?
Маахырбла! Сыԥшәма данаауа ҳәа схәы ҷыдақәа бҵәахлон,
акыр ҵәахны ибымоушь уажәы, расак, џьынџьыхәак зҳәаз
еиԥш. Андыбаа – ачеиџьыкауаа бырҭыԥҳамзи, аха изҿабҵо
дабаҟоу, уахь уаҩ дшәаны днеиӡом…
«Уу-уу»… – ала еиҭацәырнагон еиԥшҵәҟьа, иҭахәаҽӡа игеит ашәақьхысбжьы. Азныказы иныҩныҵәааит, нас ахыԥҳәа
илеиқәаҳаит. Ишәақь аахырҟәыҿны дынҭаҭәҳәан, алҩа ҩҭырб­
бны, наҟ агәара аанда инкыдыргыланы, Дамшә днахагылеит
Есҳаҟ. Агәы ҵыблааны, аблақәа хпыжӡа иааԥшуа ишьҭан.
«Унапала суааӡеит, унапала сушьит, иҟалеи?! Бзиарамзар иузызухьази? Лацәеихьшь ҟамҵакәа, уахи-ҽни еиԥшьны
уҩны-угәара сҷаԥшьон.. Иҟалеи?» – абас рҳәон ала абла
еиқәа­ҵәақәа, аха уи адунеи аҟны зегьы азеиԥшын шьҭа….
Ала зшьыз Есҳаҟ ашьацәа ианкны ирҳәазҳәазо наҟ хшьырак ахь иганы ибӷеиҵеит.
Аҩнаҭа ала анууа – ҽеи иазҳәам, рҳәоит ажәытә уаа.

Иақәнагоны иҟаиҵеит аԥшәма, иақәнага! Аҭаца дааргеит,
аҭаацәа гәырӷьо, анцәа ишиҳәара еилоуп, иара ауаз аҳәоит!
Ашара ззыбзиахаша! Игәырӷьахәха адунеи иаақәлеит, зегьы арҿыхеит, зегьы рыԥсы ҭанаҵеит.
Ҳаџьараҭ егьа иҳәазаргьы, шьҭа сымцар зуам аниҳәа,
рҽан­драалеит.
Алагьан абжа аџьықәреи ҩежьӡа Араԥ инамҵадыргылт,
иаргьы акы днадырцҳаит.
Ишимуаз, Есҳаҟи Мшәагәи ҩаицҽыжәлан, дааскьаганы,
Мшәышьха дхыганы доурыжьит. Еибырҳәеит анаҩс иахьеи­
қәшәаша аҭыԥ, ианеиқәшәаша аамҭа. Гаграҟа, апринц иахь
акәын уажәы хыс иахьрымаз.
Ҩыџьа аҽцәа Мшәышьхантә илбаауан, ҽуаҩык, дзаҵәӡа
ашьхақәа дыргәылаланы, шьхак ааныжьуа-даҽакы дазцон.
Ахәхәа-хәхәаҳәа аԥша асуан. Уажәы-уажәы уаԥхьа игы­лоу
думбо анаҟәа шкәакәа быбкӡа, касышшәа иаахчылон. Ус­
ҟан, Ҳаџьараҭ аҽы ахы дааханы дааҭгылон. Араԥ аӷәырџ­
ҳәа аӷәра иацҳауа, ахы шьҭкәыцәаа инаԥшы-ааԥшуан. Абла
рацәаххырақәа цыҩцыҩуа. Алаԥш акасышнаҟәақәа ирылыр­
ҟьаны, наҟ хара адгьыл анаӡарахь ицон. Иара анаҟәа, шьха
ӡыхьшәа ихьшәашәаӡа уӡамҩақәа ирхьысуан. Аԥша анаа­
ҵыслак ирӡсарӡсауа, наҟ ахрақәа, атышақәа рахь иама ицон.
Ԥсҳәытәи ашьхақәа, аҳаракырақәа шьҭа ибарҭамызт Ҳа­
џьараҭ, урҭ акыр хара инижьит. Араԥ мыжда хаҳәи-мақьеи
еимыцҟьаа, акы иннамкылаӡо ицоит макьаназ икалаӡа. Аҩ­
ныҟа ахы хоуп шьҭа, аангылашьа амам, инеиуеит, инеиуеит
иқьыԥаха! Хәык ихыҵуеит, хәык илбаауеит, ашәах аҿачуп,
иагәыҵачуп, иақәчуп иахьабалак.
Иҩарԥынгылаз шьха дуӡӡак дыхәнеит, дагьылҽыжәҵит
аԥ­сааиҭакразы. Иҽы аӷәра ыркәаталеиуа иаанкыланы, хаҳә
ҭаԥҟак днаҿатәеит. Аӡмыжь илӡааишьызшәа иахьшыз аԥхӡы
цәыкәбарқәа еивысны, рымҩахәасҭа пақәа ылганы агәаҵахь
еизон, нас уантә аҵәҵәаҳәа икаҭәон, ауабжырӡқәа исапын
шәахха ашәаҟьа рыбжьачын.
Наҟ хара иаԥхьаҟа дшыԥшуаз,инахьхьи ахәы кәаҩраҟны
кәаԥ еиқәаҵәак ҵысҵысуашәа илаԥш нақәшәеит Ҳаџьараҭ.

Инапы илахь инаԥыракны цқьа икылкааны дыԥшит, аха
изакәыз изеилмыргеит. Иланарԥшыга даахан, иҽааибиҭеит.
Ааи, ҽуаҩык арахь ԥсҳәыҟа ихы рханы даауеит. Данбадәықәла,
анаџьалбеит, шьыбжь маацкәа арысҟак иныҟәахьоу?!
Имацара иакәу, аӡәыр ицушь? Иланарԥшыга аҽыуаҩ инаивакны инага-аагауа, цқьа инҭырҳәцааны дыԥшыхәт. Инаҩс,
мрагыларахь ала ахәы азқәа рҟны ԥслаҳә гәарҭак ҳәуа иаҿан.
Аб атәыҩақәа ҭырҿҿа, ирхәа, рханы хаҳә дук иқәгыланы ихыр­
ӡырӡа иԥшыхәуан. Аамҭала ажакьа шла ҵысҵысуан. Егьырҭ
ргәы рҭынчны уа икыдын, аҳацаҟьақәа ирҿиааз аҳаскьынқәа
инарымцклас-аарымцкласуа, ахыргә-хыргәҳәа ижаҳәо.
Уахьтәиала уаҳа акгьы ибом. Ус, ара ԥшәымас иамоу
шьа­уардынқәак иҳаракны иниаҟьа-ааиаҟьалоит ауп. Каԥ­
каԥқәакгьы акаҩ-акаҩҳәа рыбжьы храк иаҿыҩуеит. Ашәа­
рах рааигәара иҟазар ҟалап, урҭ дара-дара еибахьчоит, иана­
кәызаалак еицуп.
Дызусҭахарыдашь иахьа абырсҟак иныҟәахьоу? Гәаҟрас
имоузеи, дзыргәаҭеиуазеи!
Иудыруеи иаӷацәа арахьгьы ишьҭра ихылазар? Иара арахь
дшааз иҩызцәа ҩыџьа роуп издыруа. Аха, ажәаҟны ирҳәоит,
аӡәы иидыруа – анцәагьы идыруеит, ҩыџьа ирдыруа – зегьы
ирдыруеит ҳәа.
«Изаҵәны исышьҭало ҳәа исымоу саӷацәа, ма Алықьсандр
иоуп, ма – ахьымӡӷ згаз абрагьцәа-рабрагь Ачыгба иоуп. Мамзар, дсасны арахь ԥсҳәыҟа иаауа аӡә иоуп. Ачыгба сҳәеит,
аха уи имацара моу, ар иманы дсыкәшагәышьан, аха изамуит,
шьҭа имацара изыгәаӷьрым!
Мамзаргьы, арахә ԥҵәаны икеицарц хаҵа бааԥсык
ддәықәлеит.
Ус снеилап, лбаа агәаҩараҿы ҳаиниап, мҩак ауп ара иамоу. Акыр иҿыхьҭахеит, убоу! Сы хәыҷыкгьы нықәнаҟьахьеит,
ахшьырақәа рҿы иахьынаҿаҳаз иҵааршәха уа илықәԥсы ицеит. Шьҭа ҽаанынӡагьы уа иаҿажьзаауеит, иӡыҭраны иҟаӡам.
Нас, асқәа еиқәыло, еиқәыло мацара ашьха зегьы сыла ихыбны ианыҟалалак, «ух гәышьа» ҳәа ажәҩан кеикеиуа иааимыггоит. Зкыкмацәқәа ҭырҳәцааны ирхьаз ажә ласкәантраӡа

ишааҟало еиԥш ауп, ажәҩангьы ласӡа, аԥша ахәхәаҳәа иа­
ҵасуа ишааҭынчхо усҟан.
Нас, ԥхынрак аан, амра мцаԥшь гьамгьам ду леи асы
илажәлоит, ирӡыҭуа дара-дара леилаҵаны, илеижәыланы есс-с икыдыҩрны идәықәлоит? Усҟан иалагоит ахысра. Уажәыуажәы ашәарах ргәы ҭшьаауа, иӡыӡымкуа иаанхоит. Аха, нас
иашьцылоит».
Ԥыҭк дахьыласкьаз, лбаа, ҳацаҟьа жыцәк днавагылеит
Ҳаџьараҭ.
Абан, аҽыуаҩ дааиуа, дааиуа акыр дааскьахьеит. Ила­
нарԥшыга ибла инадикылоит, иаамихуеит, ахаҳә давагылоуп
Ҳаџьараҭ. Иаӷацәа дреиуаны дыҟазаргьы, ари ахаҳә данаадгылалак: «Ҳаи, узышьҭоу абар сахьыҟоу, уҩах унапы!» – ҳәа
иабџьар леигәыҵаикыр, уаҳа аҭахӡам. Ара ашьха агәаны уи
дауазыԥшыху, дҿаҳахозар акәхап!
«Дабатәиу, иан лхылсеит! Дзықәтәоу издырӡо ҽуп. Ҟоҳ, ҳаи
анцәа, анцәа! Абри акәзар ҟалап ашьха бӷьыци – ага бӷьыци
еиқәшәоит зырҳәогьы. Никәала!
Ааи, Царгәыш Никәала ихаҭа, иԥынҵа агәы ырхәаны,
иџьымшь еиқәаҵәа жәпа илахь иҵач. Даазцазеи?! Арахь да­
бақәнагала?! Бзиарам, даара иҿаԥшылара цәгьоуп! Дааԥсадкараха дахьыҟоу акәу, ма каамеҭк сзааигоу акы ыҟоуп.
Анаџьалбеит… Сибаӡом макьана. Амамиқәара шԥеиҿатәоу,
абааԥс!»
«Чоу», – иҳәан, ахаҳә ду дызвагылыз даавҵит, Никәала маҷк
дааҭрысын, иҽы ахы даахеит. Иааиҿагылеит. Ԥсышәаҳәара
зыҟамлаӡеит, иамуит…
Ани абахә дуӡӡа шеизаку изқәа ирықәызшәа дхьанҭыџьӡа
дылҽыжәҵит Никәала. Данҽыжәҵуаз имбаӡеит Ҳаџьараҭгьы.
Ҳаит, анаџьалбеит! Хәыҷык еиҿаԥшуа игылан. Рҟамчқәа
ыркәаталеиуа асаара ишьҭаркшон, ршьаргәацәқәа ираадырхон инеиҭак-ааиҭакуа. Еиҿаԥшуан, рыблақәа еихмырсыӷьӡа­
кәа. Игәаҵантә даақәыԥсычҳаит Никәала, еилаххаа икажьыз
ахаҳәқәа руакы днықәтәеит. Акьахьба хаҵагьы хаҳәык аҵкар
днықәтәашәа иуит. Игәы мыжда аҭра иҭамгыло, дархыџхыџуа
иалагеит, исынсырԥшрым ҳәа даҿуп, уаҿыз уҭахызар…

Аҿымҭра, дыдраҵас ашьҭыбжь гон аҿымҭра!
– Нас?! Усзыҟалама шәаџьҳәаҩыс?! Ыы?! Ҿуҭуам, Никәала?
Асаараҟа ушьҭаԥшуеит! Ирблыма сыҩны, сҭаацәа лыҩнакны?
Маџь… Маџьгьы дырблыма?! Ухаҵами абааԥс, Никәала, иум­
ҳәо ирласны иҟалаз!
– Ҳаџьараҭ! – ихы дҩахашәа иуит Никәала.– Ари адунеиажә
аҟны иҟамло егьыҟам. Аха, ауаҩы дзықәшәаз арыцҳара
аныҟәгашьа ауп ахгьы-аҵыхәагьы.
– Ирблыма? Иҳәа, мшәан, иҟалаз! Сара акы сҟәаҟәа ишкыдыз сцәа ианырын азоуп ас ирласны сыздәықәлаз. Уи Есҳаҟ
илагьы иаҳәахьан… Ирблит, ыы?!
Ухаҵоуп Ҳаџьараҭ, ухаҵоуп Акьахьба… абааԥс, уҽырӷәӷәа,
ахаҵа дызқәымшәо акгьыҟам…
Ихәы-ижьы қақаӡа иҩеилагылеит Ҳаџьараҭ. Ицәа-ижьы
дынҭыԥсаан, идақәа зегь ашьа рҭашәны ддысӡа дҟалеит.
Инап­­қәеи ишьапқәеи хьшәашәома, анаџьалбеит! Ицәа дааҭ­
рыхьҭшьааит. Абасҵәҟьа ихы иадимбалацызт.
Ишьамхқәагьы маҷк иҵысҵысуашәа ибеит.
– Иԥеиԥеиуа ахҭарԥа шкәакәа акәмызт, акасы акәын
исхаҵатәыз!... Иҟалеи абааԥс, Никәала, исылоу ԥушәома?!
– Уҷкәынзаҵә… уҷкәынзаҵә…
– Мааџь!.. с-Мааџь рыцҳа, Мааџь…
– Ааи, икыдшәеит ихахаӡа иҩагылаз аеҵәа…
– Сышԥоушьи, абааԥс, Маџь! Сышԥоушьи! – аб неиҭамҳәа
иҩнапык рыла ихы еимлагәа икуп. Дтәан, дтәан… ҩарны
иҿыкьаса рҿылархеит илаӷырӡқәа. Ԥхашьароуп ахаҵа ила­
ӷырӡ, ԥхашьароуп, аха… илеиуеит иаангылаӡом дара, иҟаи­
ҵари… Аҭауад ду дызшьыз, астражникцәа еилзырхаауаз, Амаан ду хаха иҿагылаз иоуп зылаӷырӡ зызнымкыло уажәы.
– Ааи, абааԥс, Маџь…
– Уҵәуала, уҵәу рыцҳа… узхара угәы рда, уақәшәеит
иҟауҵари?.. Ардашьыл рыцҳа, инамӡаша агара дакуам ҳәа…
– Маџь… Ишԥаҟала абааԥс, Никәала?! Ахыкәалаа сгәы
иҭазыршәда? Сыҵәҩаншьап сымҳәази, изгәаӷьыда уи аҵжәа­
ра?! Иҳәа ирласны! Аҭаҭын еикәарҳәны амцагьы аркны исыҭ!
Дыршьит аԥшқа! Дызхыршьааи, ихареи! Мгәаҭа иҟоу амаалықь

хара имазар – иаргьы имоуп… Дызшьыда, ишԥаҟала, анышә
дашәҭахьоума?!
– Ааи, Ҳаџьараҭ! Иацы амра аҭашәамҭазы иабду Ҷыжә
рыц­ҳа днаиваҳҵеит!
– Ҳаи абааԥс, Никәала, асҵәҟьа суқәгәыӷуамызт, сыҷ­
кәынзаҵә сыла дамырбаӡакәа анышә дышԥашәҭоз, уаҳа дызбап ҳәа уҟазу!
– Уи ҟалашьа амамызт, акыргьы илеимҵаҳк-ҩеимҵаҳкит,
аха, аиха ахьҭаҳаз аигәышәгьы ҭаҳаит ҳәа…
– Ҳаи абааԥс, ҳаи абааԥс, Маџь, сышԥоушьи, амра аҭа­
шәам­ҭазы, амра аҭашәамҭазы. Амра аҭашәамҭа – Омар иԥсы
ацҭасыршәт, амра аҭашәамҭа – Маџь иԥсы ацҭадыршәт. Уҭи
сыҭи еишьҭоуп. Мраҭашәара ҵыблаауан усҟан. Уажәгьы иҵыб­
лаауеит. Исаҳәа ишыҟалаз! – иарбанзаалак лҩацк адәахьы
ишьҭуамызт, даханы ахәырқьҳәа ихәлеигалон аҭаҭын лҩа, уи
дазеиқәкуазар, аха… Нас саараҟа дышьҭаԥшуан, ҩада, абӷабқәа
троԥуа изкыдыз ахәы даҿаԥшуан. Еилачны, уажәы-уажәы аԥша
иаанагоз аԥсҭҳәа ҵаӷақәа рахь илаԥш наирхон. Убри аамҭаз
дибеит иҵәҩаншьап. Абан, нахьхьи, Ҳаԥкылҵәа дҩыҵыҵны
ахәы дахьхало, иҽы ццышә хәыҷы дақәтәаны. Дҩеиуеит аџьра
днылсны, абар-абар ахәы дҩықәгылоит. Дыхәнеит. Шьҭаалада, ахшьырахь дҭалоит ауп. Дхьаԥшуеит ишьҭахьҟа Маџь,
иҽырҵәиӡаны дхьаԥшуеит, аха, аџь жәпақәа дрылахеит, иаб
дизыԥшаауам, даҽазнык днаихәаԥшыр иҭахгәышьан. Уаҳа
дибараны дыҟазаарымызт…Ус, дагьылҭалеит ахԥысҭахьы.
Абан, аҽы ашьапқәа адгьыл иалалоит, нас ахәамц. Шьҭа Маџь
иӡа­раҩахыс ауп нахьхьи ажәҩан иаҵәа иадибало. Уигьы хәы­
ҷыхәыҷла адгьыл иафо-иаго мацара, ихы кәымпылӡа иааизынхеит. Уигьы лассы аҽаҵәахт…
Нас, имԥсӡо, акы иамгаӡо инаур – ажәҩан иаҵәаҟны иаанхеит, уаҳа – акгьы…
Аӡәк дышәҩыкызтәыз иеиԥш аԥсынҵры иҭ ҳәа анцәа ду
диашьапкуан. Уиашьапкла уҭахызар, уиашьапкла…
Никәала ихы импыҵыҩрын, ҿыцха амалаҷырра дылаԥш­уа
дтәоуп.
Иҩыза ашыӡ зыхьыз иеиԥш аҟәараҳәа деиҵасуеит. Инапы иахаршәыз Араԥ аӷәра қыџьқыџьуеит, инапы изыҟажом.

Никәала уи ибла иаимырбарц азы наҟ зымҩа дыԥшуеит.
Иӡам­ҩақәа цәаакуп уигьы. Дрыцҳаишьоит цәгьалаҵәҟьа,
дрыц­ҳаишьоит. Аха, иикузеи акәымзар..
Дықәԥеит, дықәԥеит, аиашазы, аа, абар, иалигаз! Дкыдыбгааит инцәахәы! Знымзар-зны дааимырччеит! Аха макьана, макьана ақәԥара нымҵәаӡацт, амца ахы акуеит ауп,
абылраҵәҟьа иаламгацт. Уаҳа акы шԥаилымшара. Амала, иԥ­
сырҭаҵәҟьа ишԥадырба, ахҭаҵәҟьа ишԥаҭадыршә… Акгьы
зхараӡам амаалықь игәы ҵыблааны дкарыжьит.
– «Зԥа дымԥсыц уԥа диумырҵәуан» – рҳәоит ажәытә уаа.
Сара сулабжьом Ҳаџьараҭ, аха уара зыхьӡ-зыԥша акыр инеихьоу…
– Ҳаит абааԥс, Маџь…исзуузеи! – дгәынқьуан Ҳаџьараҭ.
Ахаҵа иоуп Ҳаџьараҭ, ачҳарагьы змоу…– игәы сзырӷәӷәозар
ҳәа даҿын Никәала.
– Ҳаи, ранаџьалбеит, аҭакәажә лхаԥыцқәа реиԥш аӡәыкҩыџьак ҳакәын Кьахьаа иҟаз, ҳажәла адунеи ианырхырц иалагама…
– Усзыӡырҩы, Ҳаџьараҭ, уажәы исҳәо шумаҳауагьы здыр­
гәышьоит, аха…
– Аамҭала, сара сымшала, арҵәаа-сырҵәааҳәа аџьар ҳәҳәо
Аӡаԥшьаа раҳҭынра иҭан… Аха, уи иара ихаран, ихараз дагьагеит. Ари?
– Аԥсҭазаара уаҟа инҵәам, уҽырӷәӷәа абааԥсы…
– Сан рыцҳа, абри бахаанхараны быҟазма. Маахырбла закәытә разҟынасыԥузеи ибыдызгалаз. Адунеиажә …
Алықьсандр иакәхап ари еиԥш ахаҵара ҟазҵаз…
– Ҳаздыруам. Абри, абри иоуп ҳәа хьыӡҳәала иуазҳәода!
Асеиԥш аус атәы уадаҩуп. Аԥаса сналаган, умӡырҩуазшәа
анызба саҟәыҵит аҳәара. Убри ахәылԥаз, амшцәгьа, акырцх
бааԥс ҟалаанӡа аҩны дыҟан Ардашьыл. Арахә-ашәахә рҭыԥ
иқәиҵеит, нас Еихамца дақәтәаны аӡы аԥшаҳәахьы дцеит. Уа иҩызцәа аҷкәынцәа дрықәшәан, инеиԥхныҩл-ааиԥ­
хныҩлақәеит рҳәоит. Еихәмарт-иччеит, иҷкәынцәамзи! Уа
иреиҳәазаргьы ҟалоит имҩа ахьхаз. Аҷкәынцәа зегьы ргәы
аартыми! Уи заҳар ҟамлоз аӡәы илымҳа иҭасзар…

– Ааи, ус акәхап, Маџь рыцҳа! Угәаӷьны анышә узларҭази.
Маџь ахәаша! Анышә зегьы здызкыло анышә! Цәгьеи-бзиеи
зегьы ззеиԥшу анышә, акы еилзмыргаӡо анышә!
– Уиакәхеит, ааилабыџразы Еихамца дыҩҽыжәлеит. Нас
ауп – адыд, амацәыс, аума акаамеҭ анцәырҵ, иҩызцәақәакгьы
дызлацаз ҳәа ишьҭарҵеит, аха ани ихьӡо иҟазма, ргәы рымахьха иаагьежьит. Ашьыжь шаанӡа Гәнырхәа аҭшәараҿы
дышьны дырбеит…
– Нас уаҳа убрахь аӡәы ицәаара рымбаӡеит ауаа!
– Иуасҳәари, Ҳаџьараҭ? Уҳәан-сҳәануп издыруа. Уҳәансҳәан ахаҵа дацныҟәар, акалашәа иҟалоит…
– Исаҳәа, исаҳәа, уҳәан-сҳәанзаргьы, шьҭазыҳәа закәыхи,
сахьалаӡ умбаӡои, абааԥс, ари аамҭа!
– Убри ауха, Гәнырхәа акәша-мыкәша хабар-чабарқәак
ыҟан ҳәа рҳәоит. сеидроу…
– Нас, нас?!
– Исаҳаз ауп иуасҳәо, – Алықьсандр, Ҳасан, Шьрыф, –
рҳәоит.
– Ҳаи, абааԥс, уааҳәа уны акәызма Алықьсандр ишьа шиуаз. Ҳаи абааԥс, ақәыџьмақәа ушԥарфа, Маџь, угәуҽанӡамкәа,
иаакылатәаны! Шьҭа адалақь икып, ихы-иҿы ақамсара
амҳәаны икаижьып Алықьсандр. Иашьа Омар инышәынҭра
днахагыланы «аа-ҳи-ҳи» ҳәа ихы даасуа диҵәуап, игәы далихып,. – иуасиаҭ наигӡеит. Сара сизымшьит, аха заҵкыс дзиааиуаз дилгеит. Нас ԥҳәыс дааигап, Аӡаԥшьаа дуқәа аӷьацара
иалагап. Ҳара ҳаҩнгьы-ҳгәарагьы қьаԥҭажәхап…
– Ҳаџьараҭ, макьана…
– Ааи , абааԥс, Маџь сышԥауқәгәыӷуаз..
– Умшәан абааԥс, Анцәа акы иҳәахьеит…
– Уи ииҳәашаз иҳәахьеит. Ҳчеиџьыка иааӡахьаз Каӡ Шьрыф
сԥа заҵә дызшьуаз дрылан, ыы?!
– Ус рҳәоит, сеидру…
– Изааухьазеи цәгьарас, ианаџьалбеит! Ачеиџьыкеи ашьеи
аилаҭәара… Аҳақ … Амаҳагьара… Ҳасан дицны… Ҽыԥхҭи-ҽыԥ­
хҭи еибабыӷуеит… Сзырхьымӡаришь, анаџьалбеит, мышкыз­
ны? Ма дара сыхьӡахьоу?!

– Ҳасан ҭауадаа дрышьклажьуп, даархәахьеит, гәыбӷан
исҭаӡом. Аха, Шьрыф итәы ауп исзеилымкаауа! Ирҳәаз иашазар!.. Ииашахап ҳәа угәы излаанагаша ыҟоуп… – дхәыцуа
ҿааиҭит Никәала.
– Изакәызеи, исаҳәи, абааԥс?..
– Шьрыф дықәӡааит ҭаацәала…
– Ишԥа, изахьӡузеи?!
– Убри арыцҳара аныҟала, аухаҵәҟьа, Шьрыф ҭаацәала
дыбналт. Рашҭа, рыҩны гәаҩаӡа, иххаӡа иҭацәны игылоуп.
Алақәа ууа иахатәоуп. Рырахә-рышәахә аанхеит…
– Измааноузеи?!
– Ыы! Измаанахи. Иҟаиҵаз ауп!... Иаԥхьаҟа изыԥшу идыруазаарын…
– Афырхаҵа Шьрыф! Аҭауад уидгыланы, ужьы уфеит.
Афырхаҵа! Иаасылгаӡеит, ранаџьалбеит… Асҵәҟьа… Ахьаԥарч
зхылҵуа иахәлаџьаџьон ҳәа егьарҳәозаргьы мцызаарым.
Ааит, анаџьалбеит! – даагәынқьит Ҳаџьараҭ.
– Ҳдәықәлап, Ҳаџьараҭ, ҳамҩа хароуп. Уа даҽа ҭыԥк ҳаԥ­
шааит Шардыни сареи, уаҩы иҿахарсҭаӡам, ԥыҭк уа уабап…
– Дырҩегьых аҽыҵәахра салагома?!
– Нас, схы сҭахӡам,– абар, сахьыҟоу ҳәа унеины уҽдурбома?
Уаарыцҳаршьашт! Урҭ ус иаҳзоужьӡом, ҳаргьы ҳхацәоуп!
– Ибзиоуп, ибзиоуп, иаауҳәо зегь бзиоуп.
– Уара ианакәызаалак ухазы адәы уқәӡамызт, ажәлар рзоуп,
урҭ рзы уагьаанхароуп! Аӡаԥшьаа иҟарҵаз аӡәы ирџьимшьеит,
арахь дара рҟны акгьы рызҳәом акәымзар… – иҩыза игәы
изырӷәӷәозар ҳәа даҿын Никәала.
Ицон шьхагәыла, ихырқәақәо ҩыџьа аҽцәа, ицон ашәшьы,
амамиқәара рҿатәаны.
– Дахон Ҳаџьараҭ аҭаҭын, дахон мца мырԥсӡакәа. Ԥсы
зхоу адунеи акықәмызт иара изы. Иккаӡа ишԥаҭацәу адунеи…
Абанҭ, иббаӡа аҳауа иалоу ауарбақәагьы, анкьа иԥсхьаны,
уажәы рцәаҳақәа аԥша иаанагазшәа ибон.
«Ишԥеилоу уажәы сгәараҭа? Иацоуп, Маџь анышә данарҭа.
Иацоуп, Алықьсандргьы даниҵәуа иашьа Омар.
Сара сыҷкәын заҵә данбасҵәуо?… Иабду исанӡыӷә аҟны
жырҭас иоуит. Сара сызқәа иабаҭыԥхо? Оо, анцәа ду!.. Абацәа

рыхшара рҵәуартә изыҟоуҵои?! Аԥхьа адунеи иқәнагалаз,
аԥхьа дугар акәӡами?! Арҭ шҿоу амԥа кашәоит?» – ихы има­
гәыхьха дхәыцуан Ҳаџьараҭ.
– Ааи гәышьа, Ҳаџьараҭ, иуасҳәап, сара санаауаз аҭаҳ­
мадцәа иузаарыцҳаз. Урҭ иҟалашақәа зегьы ирылԥшны ирбоит, – ибжьы ааиргеит Никәала.
– Сузыӡырҩуеит, сара хәаша… – ибжьы ааҭикааит Ҳаџьа­
раҭгьы.
– Дахьыҟоу здыруа уара уоуп. Маӡала уизца, дыԥшааны
ҳажәа ҳзеиҭаҳәа, рҳәеит. Иааркьаҿны иуасҳәап ирҳәаз. Аццакра ихьӡар, еицәеитәуеит, рҳәеит…
– Ари еицәоу…
– Ааи, ааи, ирҳәаз ауп иуасҳәо. Акьахьба дзықәшәаз
арыцҳара ду зегьы ҳаҵагылоит, ицеиҩаҳшоит. Иҟалаз хныр­
ҳәышьа амам. Аха, еицәоу ҟалар алшоит. Уи – ҳаӷацәа зыр­
гәырӷьо акәхоит. Убри ҳмыхьааит! Аӡаԥшьаа заҵәӡам. Аҳәынҭ­
қараа баагәараны урҭ ирыдгылоуп. Иҟарҵаз ҟәныршьоит. Уи
аб дкылнагаразы ауп изырыӡбаз, рҳәоит.
Ажәакала, ишьҭоуп ашьацҳәа, аԥасақәа иреиԥшымкәа. Есуаха, маӡа, уҩны ааигәа-сигәа астражникцәа шьхныԥсыланы
итәоуп, рыцәа ыҟам, ртәа ыҟам. Абас ауп ишырҳәаз. Абарҭ
аҭаҳмадцәа ҟәыш-џьбарақәа ражәа иахыԥаз, иара ишиҭаху
дызцом. Акы иӡаамԥшылакәа абас иузаарыцҳауамызт! – иа­
жәа даалгеит Никәала.
– Ааи, сан рыцҳа, бышԥатәоушь уажәы? Саҳәшьцәа, с-Маџь
иан рыцҳа… Сарԥыс хәыҷы ишәааӡоз дышԥаашәылырԥаа.
Аҳәсақәа шәаҵкыс иаиааит!
Араԥ ҳаиуануп, аха аҽы ауаҩы ишьа алоуп рымҳәои. Уи
иашаҵәҟьазаап! Иадырт иара ҳашьҭахьҟа ҽеи шыҟамыз.
Иадыр­гәышьеит, рыцҳа. Абыржәашәоуп Араԥ! Ҳаԥхьаҟа макьана аус дуқәа шьҭоуп. С-Раԥ гәеицамк, с-Раԥ! – гәаӷла игәы
ҭәуан Ҳаџьараҭ.
Ицон арҭ аҩ-хацәак хәык ихало, лбаа иҭало. Ицон еиқәы­
шь­шьы. Аҿымҭра рықәӷәӷәаӡаны, рыбӷа ԥнаҵәо ианалагалак,
Никәала иаҳахьаз ажәытә ажәабжьқәак цәыригон. Иҳәон урҭ
ажәабжьқәа, аха иҩыза дӡырҩуазу, дымӡырҩуазу издыруамызт.

– Арыцҳарақәа зегьы еижәлам. Ҳамҩа хароуп, Ҳаџьараҭ,
ҳамцәажәаргьы ауам…
–Ааи, ааи, иҳәала, сӡырҩуеит, Никәала.
– Дыҟан, рыцҳа, нхаҩык, – иажәабжь дналагеит Никәала.
– Аџьабаа ӷәӷәаны избахьаз аӡәы иакәын. Аҳа, шьҭа анцәа
иҳәар, сажәымҭа шкәакәахоит, сарԥарцәа аҳәса ааргаратәы
иҟалеит ҳәа дгәырӷьон. Ус, аҷкәын аиҳабы имгәа акы ааҭалан,
аҟыт ааихымҵкәа дагеит. Игәыла ҭаҳмадак дыҟазаарын, дааин ихы даасуа дҵәуеит. Нас днеин, аб неиҭамҳәа днаидгылан: «Сыԥсра убандаз, иҟаҳҵари, иҳамчузеи, еицәоу анцәа
уақәимыршәааит!» – иҳәеит.
«Ари еицәоу сзықәшәагәышьаран иҟоузеи!» – иҳәеит аб
мыждагьы.
Ус ишнеи-шнеиуаз, аамҭа акыр аныбжьыс, аиҵбы ԥҳәыс
дизырҳәеит. Цәгьарашьҭахь абзиара ҟалозар ауми!
Ачара рҽазыҟарҵон, уааҳәа уны ажь рҭаауан. Аҷкәын зегьы
дрыҵагьежьаауа амҵәышәқәа аҵихуан. Ахәылԥаз рыжь ҭааны
иаалган, шьҭа уаххьашҟа рхы дырхонеиԥш, аҵыхәтәантәи
амҵәышә илеиуаз данынаҵахх, ашаха ахьынаҿаԥаз иааԥҵәан,
жьла еиҵақьы илеиуаз амҵәышә ихагәҭа лкылцҟьаа иагеит…
Агәыла аҭаҳмада аԥсы дҵәуаны даақәҵын, сыԥсра убандаз ҳәа аб неиҭамҳәа днаидгылахт: «Иҟаҳҵари, иҳамчузеи,
еицәоу анцәа уақәимыршәан!» – иҳәеит.
«Шьҭаху? Абри еицәоу сзықәшәараны иҟоузеи?» – иҳәеит
шьакәармак зҿықәмыз аб хәашабга.
– Еи, уаҳа изамуӡеит, рыцҳа… – даарыцҳаишьеит Ҳаџьараҭ.
Уи аҟны даангыландаз, аҩсҭаа дичычеит умбои. Аҭакәажә
рыцҳа лгәы иачҳауазеи, акәтаӷьцәа илкәкәаа илааӡаз лԥацәа
акьалантарқәа неивалҵеит, ларгьы дҩахыԥсаа дцеит.
Ани агәыла аҭаҳмада деиҭааин. Ихы даасуа дҵәуаны
даақәҵит. Днеин, сыԥсра убандаз, ианамухгьы еицәоу анцәа
уақәимыршәан ҳәа, аҭаҳмада дидышшылеит.
«Сеилгеит зегь рыла, еицәоу ҳәа уаҳа сзықәшәараны иҟоу­
зеи…» – иҳәеит егьи.
Ишааи-шааиуаз аҭаҳмадагьы диеит. Ихи имаҵи еибамуа, арахь ҭынха димамкәа аиарҭа дагәылахеит. Дааихт ани
аҭаҳмада ҟадыџь.

«Абри еицәоу шьҭа уаҳа акгьы уақәшәаӡом уара!» – ҳәа
наиаҳәаны, ӡык наимҵаргыланы дцеит.
– Ҳаӷоу дзықәшәаша дақәымшәеи? Уи зегьы ззуҳәо
еилыскаагәышьоит. Ааит, Маџь сышԥаушьи … Амзахь ихахаӡа
зҿыҩазхаз Шарԥыеҵәа агәахәтәы иахьырмыгӡеит. Иабду ди­
хылаԥшуеит уа, инапы икәыршаны диваиоуп. Дихьчап шьҭа…
Арахь дырзымыхьчеит, аха…– Аԥҭа еилацәашьқәа зԥыражьу
Шарԥыеҵәеиԥш деиқәшәы дцон Ҳаџьараҭ.
Ахаҳәырддыра иананылалак,аҿаҩ-саҩҳәа аҽышьапхыцқәа
рышьҭыбжь гон, еихымца-шьанҵоушәа кәицқәак ныҵыд­
диаауан…
АԤа иацәажәара
Шардынгьы Никәалагьы жәамышҟа дырҟажеит Ҳаџьараҭ
Ҳаԥкылҵәа, дахьнаргаз уаҳа имуа далагеит. Зны уааԥшы
рҳәеит, аха дузынкыло дыҟазма, нкылашьасгьы имази?! Аҳәа
агәаҵәа зыӷроу аӡәы иакәымзар.
Ианамуӡа Шардыни Никәалеи аҵх еиқәара рыҽнамаданы
ицеит Ешыраҟа, ԥшыхәра. Ҩымш-хымш рхабар ыҟамызт.
Ҳаџьараҭ игәы еибафон, уажәы-уажәы дҩаҵҟьон аҽнышьыб­
жьон дҽыжәларц, аҩныҟа дцарц. Аҩныҟа… Имаҵәҟьамзи,
мшәан, аҩны, ауаа зегь реиԥш дынхо-дынҵуа дыҟамзи? Ааи,
дыҟан…
Ахаха рзы иааҽыжәҵит Ҳаԥкылҵәа. Амза гылаанӡа рыԥсы
ршьеит. Нас руапақәа рыҽрылаҳәаны, хҩы ахацәа рыҽқәа
иларықәтәаны рҿылархеит Ешыраҟа. Уаҳа иҟаиҵагәышьои
шьҭа?... Иԥа ҩынтә дибеит, ахынтәраан инышәынҭра агәы
ина­пы ықәишьит, ус иқәашьхеит!
Ешыра иаалалоит. Абар, Гәымсҭа аҽҽаҳәа еилашуа ашь­
ҭыбжь ахьааҩуа. Уи ахԥша аҳауа ҿацаӡа иаанагоит. Абар –
аџьра, ахьацара, ажара. Урҭ рнаҩс иҽырхәмарырҭа адәҳәыԥш,
ихәыҷра, иҷкәынра зегьы-зегь зыдҳәалоу аԥсабара. Зықьна­
шықәса дмааиӡацшәа арахь. Ааи, амбатә ҵуеит, ҵабыргны. Зе­
гьы рҭыԥқәа рҟны инхеит…

Ишԥаҭынчроу. Ԥхныгаҵас ихьанҭыџьӡа ауп уи аҭынчра
шыҟоу иахьабалак. Аақ-аақҳәа иналаршә-ааларшәны лаш­
быжь­қәак умаҳауазар, иҭоууа иҟоуп. Аҵх акыр имнеихьеи,
ицәоуп ақыҭа.
Игара арҵысуан абри Гәымсҭа аӡырҩаш ашьҭыбжь, нас
инарҵон аныҟәашьа, аҩра, аҵәыргыла ахыԥара. Нас – аҽықә­
тәара. Ацәҟьара аихсра, аицлабрақәа… Абарҭ зегьы илазааӡоз
абри аӡырҩаш ԥагьа ахԥша акәын, уи ацәқәырԥақәа ракәын,
уи еилашуаз ашәах цқьакәын. Дагьакәабон, дагьашьышьуан,
агәымшәара, анхаҩы иқьира иланааӡон. Иара шьха ӡыхьын
азы ицқьан, иӷьеҩын, агәамч аман.
Аԥҭақәа цәырҟьа-цәырасуашәа амза ааршәаҳауеит, нас
иаразнак иқәабшәшәырахоит уи аҵаҟа зегьы, аха ахаҿы
анаарыцқьалак, ашәаԥыџьаԥ разыншәаххоит.
Убри аамҭазы хҩы ахацәа рыгагақәа хәхәа-хәхәаӡа, еи­
зааи­гәаны, ҿыц иҩылыззаз анышәынҭра агәы иаақәлеит.
Игә­ӡаӡа анышә агәы ылҳәаны иҟан. Ипашә-пашәӡа зцәа зхыхыз ақәыц шьаҟақәа ԥшьба баӷьаӡа иарсын, қәыц масарла
адаанқәа цәырҳәны иаархан. Ақәыц афҩы уԥынҵа иҭасуан.
Агагақәа рыхԥагьы мқәацаӡо уа агәы иқәын. Рыхҭарԥақәа
рывакуп, рыхқәа ларҟәуп. Ахҭырԥақәа акы шкәакәоуп, уи аз­
ҿацәк анышәынҭра агәы иқәсуеит. Игылоуп ус.
Анаҩс иҟоу анышәынҭра агәы шьҭыхны иҟаӡам, иҭаҳахьеит.
Ардашьыл иабду инышәынҭроуп уи.
Зынӡакгьы ибла мцәаакӡеит аб неиҭамҳәа. Избан? Иаргьы
издыруам.
Ҳаџьараҭ иаби иҷкәыни рнышәынҭрақәа дырхагылоуп. Ишԥаҟала, мшәан, абас?! Ааи, ишԥаҟалах… ус иҟалеит!
Убасҵәҟьоуп ишлыхьыз Ач-ԥҳагьы, лыҷкәын инышәынҭра
даха­гылан, деимацәыххаа, ашәы лхьыссы…
Абду ибаҩқәа цқьахахьеит шьҭа, иҟәашӡа еиҿаԥсаны
ишьҭоуп. Ақәа, асы, анышә дара ртәы ҟарҵахьеит. Абаҩи ажьи
еилнаргахьеит зегь зымчу, зегь зылшо аамҭа.
Маџь? Уи деибгаӡа, дыҵәрышкәаӡа, уа анышә аҵаҟа акәыба
дҭоуп. Ихьӡ уҳәар дааԥшрашәа… макьана аамҭа иԥырхагаӡам
иара.

– Ҳаи абаак, ас азакәызма узысҭахыз, Маџь?! Ҳаи, ана­
џьалбеит! Мамоу, усҵәуаӡом саргьы. Ааи, усҵәуаӡом! Алықь­
сандр ишааҟаиҵазҵәҟьа саргьы иҟасҵоит, сахькылнаго збап!
Уҟаз, Маџь! Уҟаз! Саб, акыр умчзар уааихылаԥшла умаҭа,
дхәыҷыми рыцҳа, имацара дшәар ҟалоит.
Анышәынҭра агәы иқәыз агагақәа неиԥхьба ицеит, ԥҭа
ҽыҭк амза ианаԥыраҳа. Нас раԥхьа ԥшьаала Ҳаџьараҭ игага
аацәырҵит.
Абри аамҭазы, Маџь инышәынҭра агәы иқәыз аб игага
аақәацмацеит. Уи Араԥ акәын иҟазҵоз. Аԥшәма изқәа ахы ахьнашьуа иалагеит. Дааҳәны днаҿаԥшит. Абла маахыр-ҟәазқәа
(уи аблақәагьы амаахыр еиԥшуп), алацәақәа ааикәанаԥсаааикәанаԥсеит, дырҩегьых аԥышә ала инеигәҭас-ааигәҭасит.
Даҿаԥшуеит, аԥшәма. Аблақәа цәаакуп, расахык иаҟараны
алаӷырӡқәа аҿышәшәаны илеиуашәа ибоит. «Иуасҳәози,
Маџь, угәы ҭынчыз, уабду духылаԥшуеит, ҳара уаҳзымыхьчеит,
аха шьҭа иара уихьчап. Ушьҭахьҟа акы уацәымшәан, сара
сахьынӡаҟоу!» – абас иԥа диацәажәон аб. Нас уаҳа аамҭа
имоур ҟалоит. Даара мҩа цәгьахеит дызну, дахькылнаго издыруам. Диацәажәалааит. Рыцҳа… иԥазаҵә иами.
Араԥ ҩаԥхьа ахы неихьнашьы-ааихьнашьит. Нас ахы
ҩышьҭкәыцәааны ахахәда аҟьаҟьара аганахь иаархәаны,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 14
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2390
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3456
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3422
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2379
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2445
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2332
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3415
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3389
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2415
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3458
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2393
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2392
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3433
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2439
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3388
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2365
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3451
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2385
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3456
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2380
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3399
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2338
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3467
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2403
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3468
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3548
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3499
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2299
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3500
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 1205
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 841
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.