LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 09
Süzlärneñ gomumi sanı 3389
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2415
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Араԥ ахьҿаҳәоу ахьтә акьыркьырбжьы ааҩуеит. «Снеиуеит, абааԥс, снеиуеит, арахь акгьы сызмырҽеит, аха сара снеиуеит!» – абна ацәхыԥ давалан арахь иҿааихеит Ҳаџьараҭ.
Амҩахәасҭа дақәшәом, дбалыбаҭо даауеит.
Аахьхьи, Араԥ ҩыџьа астражникцәа аавагьежьаауеит. Аӡәы
иҩыза ишьапы кны дақәсыртәоит ҳәа дҩеигәыҵасуеит, егьи
дҩаԥа-ҩаԥоит, аҽы наҟ инаиҵҵәраауеит, уи иаҿуп. «Хәырр»
аргоит иара, аӷьфҩы аԥынҵа ианҭаслак акәхап.
Ус ианыԥшы дара рахь ԥҳәыск абна дылаланы даауеит.
– Ани аԥҳәыс иаауа дубоу?
– Ааи! Дабацо арахь!
– Ачараҟны дыҟамзи, илжәызаап, дынҭыҵырц даауеит, уааи
даҳҳәынҷап.
Аԥҳәыс дааиуа акыр данырзааигәаха, лыҵки лкаси аал
шәылхит…
Иԥеиԥеиуа ахҭарԥа шкәакәеи,акәымжәи-акабеи аагәылҵит
аԥҳәыс маҭәа.
Астражникцәа минуҭк аҟара ҿымҭӡакәа еиҿаԥшуан. Нас
руаӡәы ак сҳәоит ҳәа иҿы ааирҵысын, аха акгьы изымҳәеит.
Аӷьеҩҳәа дҩаҵҟьан, аҟәақҳәа дхыст ажәҩан ахь, нас иабџьар
лаирҟәын иаӷа илеигәыҵеикит:
– Урҩах унапқәа, ақәыџьма, заманалаҵәҟьа ушԥаҳԥы
хьашәа!
Ари аҩызаҵәҟьа дақәымшәацызт Ҳаџьараҭ. «Ишәарҭоуп,
даара ишәарҭоуп, умацара умцан, саргьы суццоит» – имҳәази
Никәала.
Инапқәа ҩышьҭихт, дҭеслымхт ҩыџьа астражникцәа рҿаԥ
хьа.
– Мап, даҳшьӡом, иԥсы шҭоу дыктәуп ҳәа ҳарымҳәеи, ус
ҟаҳҵоит! – иҳәеит.
Иара ҳиазҵаап. Уаҳшьыр уҭаху, уԥсы шҭоу уизаагару Амаан, иҳаҳәа ирласны?!
– Сыԥсы шҭоу иаҳа еиӷьасшьоит, ус сыжәга!
– Ус акәзар, унеины аҷапырхәа аага, ишьҭахь инапқәа
ҟаҵаны иҿаҳәа, нас дшәарҭахаӡом! – ҳәа иҩыза иахь днаԥшны
адҵа ииҭеит астражник, ишьапқәа еилахәо даабӷаӷеит. Да
наахьаҳә, Ҳаџьараҭ итапанча харшаланы, аԥынҵа ҭашәшәаа
ӡа дынҭаԥшит. Ишәақь лаимҟәыҵаҩрын ашьшьыҳәа афасара
инылаҳаит.
Аҩ-шәақькгьы рсамԥалқәа аарҿыхны, ируааӡа абнатоурахь
иршәны дыҩҽыжәлеит Хҭарԥа-шкәакәа.«Аҳы,Араԥ мцахәыцәа,
уԥшәма иаӷацәа дрылԥааны ушьҭхысаа Џьырхәаҟа». Даманы
ицон. Ақыҭа даназааигәаха џьара иҽааԥхьеикит. Ишьҭахьҟа
цқьа дӡырҩит, ҭынчран, ишьҭа рзымкит.
Аҽы акәадыр аақәихт, уи аҭыԥ аҟны аџьыкхыш ылна
ҳәазшәа иҟәашкакараӡа иҟан. Аҽы агәыҵаҿ еизыҵәҵәоз аԥх
ӡы рахәыцшәа, ипаӡа илеиуан. Иаалшозеи, иаалаӡозеи Араԥ
мыжда, аџыр! Ари еиԥш иҟоу аҽы имамызҭгьы…
Аҽы ашьапы ааибаиркит, ахәажәра инылеиҵеит, акәадыр
аҵла амҵан инышьҭеиҵеит, ихы нықәиҵеит. Диоуп, ихагылоу
аҵла абӷьқәа дрылԥшны ажәҩан ҽыҭ-ҽыҭ ибоит.
«Астражникцәа сазҵааит, сыԥсы шҭоу сыргар еиӷьасшьоу,
сыршьыр сҭаху ҳәа!
Нас иабџьар шсықәкыз ихашҭны днаҳәны иҩыза иабжьигеит ҷапырхәак ԥшааны, дааины сышьҭахь снапқәа ааҿаҳәаны,
снаганы Амаан ашәшьыраҟны дахьтәоу иаԥхьа снаиргыларц.
Иабихәацт, даара уаҩы дзықәгәыӷша стражникцәоуп! Аххы
инеилаҳауа, рҽаҭаны иҟоуп, анҵәажәқәа…
Уаха хәылԥазынӡа ара сааԥшып. Нас ачабрахьы сеихап,
аха икаршәымзар ачабра ? Иаабап иҟало.
Ишԥаҟалеи абас… уажәы абри акәын исыгыз. Ааи, ари
тәамбароуп, уаҳа акгьы аанагом. Атәамбара амшалоуп, схы
ԥхьакуа абна сзылоу иахьа. Уи змаҳацда, злымҳа ацәашьы
ҭарҭәаны адәы иқәу аӡәы иакәымзар? Дызусҭада иара
Шәлымба ҳәа маҳәыс исызцәырҵыз? ԥҳәыск лаҵкыс иаиааиз,
рацәа дхаҵоуп, ҳаиқәшәап уаргьы саргьы хаҵаҵас, нас ҳаи
цәажәап!
Хәландаз знык. Араԥ рыцҳа аԥыжә-ԥыжә угәыҳәны акрыш
ԥоуфо. Уара усызкамшәаргьы…
Дгаӡам ауриадник. Саҳәшьа дахьаанагаз сшаауаз дырны истражникцәа ааишьҭит, иаргьы амҩа дықәзар акәхап.
Усыӷрыӡаауам, ақьаафыр, иузызухьоуи, уаб дысшьыма?
Нас абас сабанӡацало, хаарас, ԥшӡарас иамоузеи сыԥсҭа
заара? Ҽазнык сԥа дызбазшәа сыҟандаз… Сара дсеиԥшушь…
Аҵәҩаншьап мырӡга. Маахырбла, бсымбеижьҭеи иҵуазеи,
с-Гәында? Бабаҟоу, бызҿузеи рыцҳа… Абрагьҩы ԥҳәыс дааигеит. Еҳ, быгәнаҳа саҵалама, анаџьалбеит! Агәнаҳа уаҵамлан
ҳәа сеимҳәази Никәала. Уи саргьы издыргәышьон, аха иҟас
ҵарызеи, ус иаҳразҟын. Наҟ-наҟ иаҳлахьынҵахо здырхуада…
Алықьсеи сареи иахьеибаҳҳәаз аҭыԥ аҟны дзымнеиӡеи, дахызгазеи? Изакәи, хатә уск сымоуп ҳәа дызҿыз, сара изсеим
ҳәеи? Измааноузеи?
Аԥсаҭацәгьа Омар! Уан Ач-ԥҳа убас дсыӷрагыланы дыс
мацәажәазҭгьы, иҟаларын ас арыцҳара ду ҳақәымшәазҭгьы.
«Иумуӡахтеи, аҽы уҭахызар ҳуахьад арха иаважьуп, ига шаҟа
уҭаху! Иуимҭаӡар иҟоуҵараны иҟоузеи!» – лҳәеит.
Иара? Иаргьы иажәақәа мпышҭашәа ихаззала ичны иҟам
зи! Ацгәы аԥа аҳәынаԥ акуеит. Шаҟа рацәажәара мчузеи ауаа
дуқәа.
– Иҟаларушь аамҭакы, шәаргьы ҳаргьы ҳуааны анцәа
ҳаишеит, аӡә длаҟәуп, аӡәы дҳаракуп ҳәа иҟаӡам шьҭа, пату
еиқәаҳҵап, ҳаибабап ҳалалрала ҳәа? Сыздырцәом…
Амла унҵәозаап, аҳаскьын анышәгьы адкыланы иуфома,
с-Раԥ рыцҳа. Саргьы уара уеиԥшҵәҟьа амла сакгәышьоит,
аха… Хәылбыҽханӡа исычҳароуп. Нас сыҭаҳмада Фаҭ гәыраз
акрысҿеиҵап, иԥҳацәа ҳхагьежьаауа ҳхәы аныҟарҵалак.
Ашьҭахьы, ԥыҭк аамҭа анцалак, ҭаацәара ду анышьҭалалак аан
еиԥш – саҳәшьа лахь, ачабра лызкаршәзар… Шаҟа ихьааганы
имази Фаҭ рыцҳа ижәхьа атыша иҭаҳаз, ицәырӡаз иҽы. Урҭ
рыцкы ҳаԥшааит. Исҭазааит аԥара. Лымҳахҵәа Бадис иҩызак
иакәхап аҭаҳмада Фаҭ иҽы зӡазгьы.
Ешыраҟа, сқыҭахь иҟоузеишь, анаџьалбеит, уажәы?
Дызҿузеишь аҵмыҳәҳәар Кәырк Ҳасан. Еҳ, уи шаҟа дазгәышь
уазеи ирласны сыԥсра! Убас игәыла Камшьышьгьы дыҟамзар
шԥеиҭаху! Иара Ҳасан иҩызаҵәҟьа иоуп Камшьышьгьы,
акәымзар, убас дышԥаныҟәоз сасра дахьнеиз! «Ҽыԥхҭи-ҽыԥ
хҭи еибабыӷуеит», аха сара убасҟан убра сабарыцранагала?
«Уца, нан, ҳгәылацәа роуп, ҩызара рызу», – лымҳәеи сан. Ҳаи,
сан, ибдыруандаз урҭ уи ауха рысасра шныҟәыргаз!
ӷьычламс аӷьычцәа дрылабжьон ҳәа, Ҳасан ҳара дҳалаб
жьахуан, сасра ҳахьнеиуа ҳхы шымҩаԥаагаша. Ибзиаҵәҟьа
ны ихы мҩаԥигеит, ус иара дымсааит!
Уантә ҳанықәҵуаз, аԥшәмаԥҳәыс снаскьаԥхьаны, абарҭ
хацәоуп ҳәа даҽазны урыцымныҟәан, Кьахь Ҳаџьараҭ уакәзар,
урҭ ахьымӡыӷ удыргоит, лҳәеит. Ауха дрызԥшыхәуазаарын,
иаалбаз илаҳаз зегьы сара исалҳәеит. Амала дара дреиԥ
шуп акәымзар, ус еиԥш иҟоу лхы ишԥақәналыргоз, лаҳәшьа
дышԥалхыччоз, дылҭахымзаарын! Амала, иара ишԥаиқәнага
ҵәҟьоу изылуз.
Ҳасан уҽаанумкылар убри зегьы ҭсырттоит! Аҟыҿы-ҟы
ҿыҳәа умацара ужьы уацҳаны иуфо уҟасҵоит! Ачеиџьыка
иақәыжьцәаз аламысдақәа!
Иахьа шьҭа хәлаӡом… Иҟоузеишь уажәы сахьаадәылҵыз
саҳәшьа лгәараҭа?
Абас дшыгәжәажәоз ирхәлеит ари абнаҿы. Анааилашәшәа,
Араԥ амгәа ҟыцӡа акрыфаны, аԥсы шьаны, агәамч еихаӷәӷәа
аԥшәма даманы Фаҭ игәашә инадгылеит. Гәыгә-иԥа Алықьса
гьы ара дыҟан.
Ара уабаҟаз, уабаанага уара? – аԥсшәақәа анааибырҳәа,
диазҵааит Ҳаџьараҭ.
Абрагьҩы дахьнанамго убахьоу, сааит саргьы абранӡа…
– Жәаха иахьеибаҳҳәаз узымнеизеи?
– Сзахьымӡеит, абрахь уск аҵыхәала џьара сымцар ҟа
ломызт.
– Улеи, дад, сыҷкәын аҩныҟа, ара адәны ургыланы ҳаш
ԥауацәажәо, укараха, амла уакха уҟамкәа уҟам.
Шәлеи дад, арахь шәлеи! – Фаҭ днараԥызан, амаҵурҭахь
иманы иҿынеихеит.
«Изакәи, Алықьса ари Фаҭ аҭаҳмада дидыруа данбаҟала, уи
иӡбахәк иҳәо смаҳаӡацызтеи? Иара сара ара хыԥхьакырҭас
ишсымазгьы иасымҳәаӡацызт. Нас?..»
– Ара уааижьҭеи акырҵуоу Алықьса? – ҭынч амца ианы
лахатәа дҵааит Ҳаџьараҭ.
– Сара…
– Ааи, дад, абыржәыҵәҟьоуп данааи уигьы. Еибыҳәаны
шәыҟазшәа иҟалеит. Жәаха Ҷын иҩнаҭаҿы ҳаиқәшәан, сҩыза
дысцәыӡит ҳәа уӡбахә анаацәырига, сара сҟны ушкыдгылалоз
аниасҳәа дааит, аҷҷаҳәагьы шәааиқәшәеит.
– Аиеи, мшәан, убас иҟалеит. Ҳаибаԥшааит иахьцалак.
Уҩныҟа уаҳа узықәымлаӡацт, Ҳаџьараҭ?
– Сабақәлагәышьо. Уара уакәын, усцәыӡт, Шьрыф ихабар
збом, сҭаацәа арыцҳақәа ахыганы иргазаргьы сыздыруам
(иаҳәшьа лтәы имҳәаӡеит).
– Уахь акы уацәымшәан, сара сназҵаа-аазҵаақәахьеит,
иҷыгәӡа кьыс рымамкәа иҟоуп. Уԥа иакәзар, данҵәуо аеҵәа
кыдиԥаауеит, убас агәамч имоуп. Ибжьы ҵарӡа, нахьхьи
аҳҭынра агәарԥ инықәҩыртә аҟынӡа инаӡоит рҳәоит. Иуа
сымҳәази, ԥа дуауеит ҳәа, аԥхыӡ иаанаго бзианы издыруеит.
Ач-ԥҳа лакәзар, сара сахыӡӡаауеит, дара ҳазфаз анхацәа
ӷьацоит, ҳазшьыз, абна илоу абрагьҩы ԥҳәыс дааигеит, хшара диоуит, ари аҩыза аӡәыр иаҳахьоума, иаҳхыччо ҳҟалеит,
шәабаҟоу азакәануаа, уабаҟоу, нан, сыҷкәын Алықьсандр
ҳәа амца аркуа дықәзаап. Алықьсандр Амаан диқәгәыӷуеит,
Амаан астражникцәа дрықәгәыӷуеит, астражникцәа анцәа
иқәгәыӷуеит, ус иаауеит.
Абас ишынеицәажәа-ааицәажәоз, рхәы мазеихан, аишәа
илахатәеит. Рхәы рнапы надыркуаны еиԥш, о, аԥшәма ҳәа
агәашә ахь аӡәы иҿыҭыбжьы геит. Аху-хуҳәа алақәа шуа
агәашә иладыххылт.
Уи Шардын иакәын, иҩыза ишьҭа дхын.
Абыржәыҵәҟьа дқьыԥаха лара Нина лҟынтә даауеит. Ас
тражникцәа ахыҵәаны ԥцхәа иалоуп. Ауриадник Амаан,
Аӡаԥшь-иԥа Алықьсандр рхаҭақәагьы рыҽкылҳәаны, еиқәыб
џьарха уа иҟоуп, џьа инцәыҵагылоит. Аҭаца дахьыҟоу ааигәасигәа алаԥш ҵар ахуп. Зхы зҭахым, мамзаргьы, злымҳа ианкны
инарга-аарго гаӡажәк иакәымзар, уахь анеира гәаӷьуацәоуп.
Ҩыџьа астражникцәа Аҟәа абахҭаҟны иҭакуп, ршәақь
асамԥалқәа рцәыӡын азыҳәа. Акьахьба даҳкуеит ҳәа ишьҭоуп,
арахь ршәақьқәа самԥал рҿаӡам!
Абри еиԥш ажәабжь рзааигеит аҽуаҩы. Даара иаарцәы
мыӷхеит. Ихьанҭыџь-хьанҭыџьӡа иланартәеит зегьы. Зхылҩаԥсылҩа ҩеиуаз рхәы ҳамҭакы ргәы рзадкыломызт. Еиҵачаԥаны
иқәыз акәтыжь иақәырҳәҳәыз ахәсхәеи араҳанеи рыфҩы
лаҳа-лаҳауа рԥынҵа иҭасуан. Иахьатәиала чаӷьа зымфаӡац
ауаҩ иакәым, абыржәыҵәҟьа акрыфаны иҩагылаз аӡә иакә
заргьы, шәақьԥынҵала дузадгарымызт ари ачеиџьыка.
Ҳаџьараҭ луанытә даақәыԥсычҳаит. Иара иакәын зегь
ззыԥшыз.
– Ҳнапы аҳаркып, уаҳа акгьы ҟаҳҵаӡом. Ари еицәогьы уаҩ
дақәшәахьеит, ԥсҭбара ҟамлеит. Ар зыкәшаны иҟоу аҩнаҭа
ақәлара иаанаго – ҩахьхьи абахәаԥшь ӷьазӷьаз ҳазҿаԥшло
агәыдлара ауп. Уи уаҩ дызхәарҭам усуп! – иҳәеит Ҳаџьараҭ,
дзықәшәаз иҽанраало.
– Е-еи, дад, анцәа абзиара ҟаҵа, иҳамчузеи?! – даақәыԥ
сычҳаит Фаҭгьы.
– Жәынгьы-ҿангьы иҳаӷрыӡаауам урҭ алақәа! – иҳәан,
иҿаҵа аарпазны иаамихит Гәыгә-иԥа Алықьсагьы. Рганаҿ еилажьыз амца аҿҿаҳәа аибакра иаҿын. Ахьараџь мҿы ашәа
шаҳәо мацара ибылуеит, иццышәхоит. Аишәачаԥа изхатәаз
иқәгылаз акәаҷабқәа ракәӡамызт рхәы-рыԥхь зырлашоз,
ахәышҭаара иҩанашьҭуаз амцабз еишьыл акәын аҳра зуаз.
ԥыҭраамҭак аҷҷаҳәа ицәажәоз ахәышҭаарамца ашьҭыбжь
ада акгьы уаҳауамызт.
Фаҭ иԥҳацәа еилашьқьыраауа амаҵ руан.
«Ааи, Амаан, рацәа ухаҵазаап. Сыҽуқәсыршәоит умҳәази,
ар уманы усықәылт, аха сара уа сыҟаӡам. Алықьсандргьы
уааҳәуны акәзаап уашьа ишьа шууа! Е-еи…» – иифо ила иабомызт Акьахьба ҷкәын, ахәыцра дҭаршәны даман.
Нас дынхааит иаҳәшьа уа дахьнаргаз! Ҳаԥхьаҟа аамҭа
ыҟоуп. Еибабахп Кәасҭеи иареи даҽазны.
Игон алашбыжьқәа ахарантә, ааигәантә. Абар шьҭа аҵх
неигәеит, аха уахак алақәа ргәы ҭынчым. Арантә ԥцхәынӡа
уамак бжьам, арахьгьы идәықәларызу аимдаразы? Иҟалап.
Иааныжьтәуп ари ақыҭагьы ирласны.
Ԥыҭрак ашьҭахь, аҵх иалыхәхәа Ҳаџьараҭи Шардыни
Аҷандараҟа рхы хан. Ари аҵх еиқәара иалагӡаны ихалар
акәын Ҳабҩы аханы Ҳаԥкылҵәа ҳәа иахьашьҭоу. Уа иагьаҩы
абрагьцәа абахьеит, иагәыҵаҳәҳәа иахьчахьеит, уа ишәар
ҭаӡам. Рыбжьы ныҵак аӷды-мыдыҳәа еицәажәо ицоит, рымҩа
иануп, рымҩа иахькылнаго рзымдырӡо… Иагьыздырхьада
уи?
***
Иааизынхаз Фаҭи Алықьсеи, аҿыцәаара иаҿыз рымца
инаҵха-ааҵхо, игәамҵ-хамҵуа итәан. Игахуан игәыҩ-ҿыҩыз
алашбыжьқәа, игон ҵыхәаԥҵәарада.
Аҭыԥҳацәа аишәа иахатәан, хьшәашәа-мыхьшәашәақәак
инарымцклас-аарымцкласуа. Урҭ цқьа ирзеилкаауамызт Ҳа
џьараҭ уаха иааишьа-ицашьа зыхҟьаз. Иеигәырӷьо ихәы
ҟарҵеит, акрыфаха имҭакәа ишьҭаланы иаакылсын, дрыманы иныҵаҳа ицеит. Ахацәа есқьынгьы еизыӷыӷуеит, еимаркуа
даргьы ирыздыруам…
Аҵх лашә иалыҩны иуаҳауаз Ҳаџьараҭи Шардыни рҽы
шьҭыбжьқәа ракәын.
– Уцароуп Шардын дырҩегьых Ешыраҟа, уцароуп, уаҳа
ԥсыхәа ыҟам. Сҭаацәа хҵәаны абрахь, Лыхныҟа иаароуп.
Ванџьашь Кәыкәына ҳәа абра нхаҩ шьахәки сареи ҳаи
бадырт, акырынтә ичеиџьыка сфахьеит, иуцәызӡом, сҽагьын
ыԥхьасклоит уа. Даара уаҩ дзықәгәыӷша уаҩуп. Уҭаацәа снапы
ианҵа, арахь ихырҵәаны иаага ҳәа сеиҳәеит. Ус зегьы ирҳәом,
арахь иҟазар еиҳа сырхылаԥшлон, ари иҟалазгьы ҟалаӡомызт.
Уахь, сахьиз-сахьааӡаз аҩнаҭа сара шьҭа саднакылом. Ира
ҳәа, рҽазыҟарҵаларатәы ахҵәара. Наӡаӡа ҳаԥырҵроуп ҳаб
игәараҭа, уи азқәа ҳаианархеит. Инҳажьроуп ҳхәыҷра амш
қәа ахьымҩаԥысуаз, ажәҵарақәа реиԥш, ҳаҷырҷырбжьы
зқәыҩуаз ҳгәарԥ, ҳқәаҵа ԥшӡа, ҳаҩуа-ҳаԥо ҳахьықәыз аӡиас
Гәмысҭа аԥшаҳәа, ҳахьатә кәасқьа, ҳаҩны-ҳгәара зегьы. Ааи,
зегьы-зегьы наҳмыжьыр ауам. Ишубошәа амза атыҩ иакит
ҳара ҳзы. Иуаҳауоу исҳәо Шардын?
– Исаҳауеит, ишԥасмаҳауеи. Уи уареи сареи ҳамацара
изааӡбарызеи, Никәалагьы Шьрыфгьы ираҳәатәыми?
– Аиеи нас, ираҳамҳәои, аха уажәы уареи сареи ҳауми
араи еицу, уара иуасҳәоит.
– Ҭынч аҩызцәа ҳҽааиқәыршәаны, ахҵәара аус цқьа
ҳалацәажәаны, ианыҟаҵатәу, неишьас-ааишьас иамоу ҳәа
иԥҟа-ԥҵәаны ишьҭыхтәуп. Уақәшәеит, иҟоуҵари, Ҳаџьараҭ.
Мгәарҭа иҟоу аԥшқа хара идзар, уаргьы хара удуп, аха уи зеилуркаауада, изоуҳәода? – даақәыԥсычҳаит Шардын.
Еҵәаџьаа еилыџьџьо жәҩангәы иазааигәахон еиԥш, арҭ
ахацәа икарауараха Ҳабҩы иҩкылсын, Ҳаԥкылҵәа аҿышәҭа
ҭшәшәаара инахәлабгеит. Аҽқәа ракәзар, нхыҵ гәарԥк иаҟа
раны иҟаз акыӡӷы иаҵәара ишьаҳаны инықәырҵеит. Кәахь
чажәк ҵәык инахарԥаны ааигәа инадыргылеит, уи иана
дыԥшыло ааигәа-сигәа иҳәлоит.
Руапақәа ҵыртланы аҳаԥы ҭылашьцаара иныҵаршәны,
рыхқәа нықәырҵеит.
Ҳаџьараҭ иаразнак ихәда абжьы геит. Адунеи аҟны мчыс
иҟоу зегьы ацәа риааиуеит рымҳәои. Иаразнак дагеит рыцҳа,
зҵеи лашара ила анҭаԥшра азин змам Акьахьба ҷкәын…
«Сҭаацәеи сареи ҳаицәҟьалахьеит ариабжьарак, аха иҟас
ҵари, ари иеиԥш иҟоу аҩыза изы амца уақәԥалап. Уаҵәы ара
аҩызцәа ҳзеицәажәар бзиоуп, ҳаиқәымшәаргьы, сара сцароуп Ешыраҟа, иҭаацәа рахь. Уахьынтә саныгьежьлак ашьҭахь
аҩныҟа сцап. Иҿыхьҭахо иалагеит шьҭа, ҽаҩраҭагаланшьҭахь.
Ихәда абжьы шԥаго, рыцҳа, ихы маншәаланы иқәымзаап, аха
уикьысып ҳәа уҟоу, ахыԥҳәа ушьны улеиқәижьуеит, итапанча харшаланы игәы иқәуп еснагь. Иарма напы ихчнызоуп.
Уи ус ҟазшьас иҵиго далагеижьҭеи афуҟаражәқәа аби-ԥеи
Кәбеци Фасии рчарҳәара аахыс ауп. Хәышә мааҭ ахьы ҳәа
дырҭиуан Ҳаџьараҭ иакә-сакәызҭгьы, аҟәҟәаҳәа иааргәыдҵаааргәыдҵаны исшьуан. Дырнымиеи ашьҭахь. Узҭиуа, узшьуа
дышԥарыцҳашьатәу, ашьтәыцқьақәа роупеи! Рыҩны стәахьеит,
сгылахьеит, ачеиџьыкеи ашьеи сзеилаҭәом иҳәеит. Уи уаҩра
дууп, аха еилызкаауа дабаҟоу? Иара ихы азы ибжьырхыз
ахьы аарымхны дрықәыжьцәаны, дрыҵаҳәҳәаны иԥхеиҵеит.
Хәышә мааҭ ҳәа ахә ршьазаап аҳәынҭқараа Ҳаџьараҭ ихы.
Дхаҵаҵәҟьоуп аиашаз Акьахьба. Уцә, рыцҳа, угәы рҭынчны!»
Шардынгьы ацәара иҽыназикит. Арымарахьала дааҳәын,
аџьықәреи лапҟьақәа зҭаз ааҵәа днаха-ааханы, иаардаданы
инихчниҵоны еиԥш, «Ыҳ» ирган итапанча хырша дҩықәтәеит
Ҳаџьараҭ
– Уара уоума Шардын, узмыцәаӡои уаха?!
– Саҿгәышьоуп, аха иааиуам.
– Уцә, уцә. Ҳаԥсы ҳшьароуп, уи ада ҳхәарҭам, – иҳәан,
дҩагыланы аҳаԥы дынҭыҵын, аџьра дыҵаланы аҽқәа рахь
дцеит.
Акәахьчажә ахьхишьыз ааигәара ицәышәшәӡа, иқәгье
жьаауа иқәын Араԥ. Шьҭа аиаӡаарахь зхы хаз аҳаскьын
цәыш-мышқәа аԥышә қәацқәацақәа рыла инеидкыл-ааи
дкыло. Иааизыҳәҳәаны иааҵхны, аӷәырџӷәырџҳәа иҭана
галон. Дазааигәахо даналага ахы ҩышьҭнакәыцәааит, нас
иаақәырқәырын, иааизыԥшит. Џьықәреи лапҟьак аԥышә
инықәикит, – агәашьамх иазеиӷьуп.
Ашԥы аҟьаҟьара инапсыргәыҵа нахьишь-аахьишьит. Нас
агәчамахь длиасын инапы ахьшьуа мацара ихәыз ашьын
дырӡаа инацәақәа нақәирӷәӷәеит. Иалымсӡеит, иӷьагәышьеит
шьҭа ахәра. Астражникцәа рхы зышҳамымхеит, абаҩгьы иа
ԥырхагамхеит, дара баша рхы нақәырҵеит.
Уи дааҟәыҵын, лахьхьи абна аҿықә аҿы иқәыз Шардын
иҽы дазцеит. Днаҵаҟьа-ааҵаҟьо, атрымтрым ирԥо иҽахьы
иааицеит, иаанхаз илапҟьагьы ақьышә инықәикит.
Икаххаа ажәҩан ӡмыжь иаҵәа иалаԥсаз аԥырӷқәа дҩары
ҵаԥшын, аҳаԥы дынхәыҵалеит, Ӡаԥшьаа змыхәаз Акьахьба
хаҵа.
Шардын дҭаҳәахаа, ашақә дасуа дыцәан.
Аҩада, ашьхантә гыгшәыгк гәамҵуа абжьы гоит, иааиуа
аӡынразы ахәы азыԥхьамку, ак ахьзаап.
Ҵаҟантә ахьхьа-хьхьаҳәа, Ҿбаарҭа аӡыҷҷа хәыҷы ахәыҭ
хәыҭбжьы ааҩуеит. Зынӡак маӡала ауп ишцәажәо иара.
Иара ӡыҷҷароуп, аха аӡмыжьқәагьы амоуп. Аҳаҭхәыжә иҭоу
убаанӡа уахымыччан рымҳәои. Уа акалмаҳақәа ҳәылмышьуа,
акан рықәыҳәҳә иҭоуп. Рыӡмыжь цқьоуп, дара ирхатәуп
изҭоу аӡы, аӡәгьы дырԥырхагам, даргьы аӡәы иԥырхагам –
ираҳаҭуп.
«Дыцәт рыцҳа Шардын, сыцәап саргьы. Еҳ, сқыҭа рыцҳа,ула
анҭаԥшра зыԥсоузеи! Уажәы с-Гәында лгара лаԥхьа иргыланы,
дрыгәдрыгәҳәа ирҵысуа агарашәа лҳәозар акәхап:
Шьишь наани, уа наани,
Хәыхә наани, уа наани,
Уан даанӡа умҵәуан,
Уаб даанӡа умҿыхан.
Рабнацәа дыцәоуп.
Рабнагә игәуп.
Раӡыхәтәы ԥсары-ԥсары,
Рабнакәты бзары-бзары…
Иара – сыҵәҩаншьап, аҵәаԥ-аҵәаԥҳәа ацәымҳа-еижьага
днаха-ааханы, иара итәала даақәыԥсычҳашәа уны, дҭахәхәа
дыцәоуп. Нас иан лгәы рҭынчны, лылацәа неиқәылыԥсоит, аха
лыцәаԥсымҭазы иара дымлага-млаго дааҿыхоит. Иҽеибыҭаны,
аҩны ырхыџхыџуа аҵәыуара далагоит. Лара – соуԥшәыл
разҟыда, дцәырҳаны дааԥшны, иҭчаа иҟалахьоу лгәыԥҳәқәа
руакы рхы неиҿалкуеит.
Иара хаҵаҵас дадбаӷьаланы, даханы ахш ҭӷәааны, акәатакәатаҳәа ижәуеит, аха уи изхо дыҟоума. Аҩыза дазыҭрысуеит,
дагьааиқәнартәоит. Уи аԥасақәа ракәын, шьҭа дабаҟаху.
Иибозеишь аԥшқа ԥхыӡс? Акгьы. Ибла аныхту – иара изы
ԥхыӡуп.
Нас лара мрашәахәа зқәымԥхаӡо ҳразҟы дазхәыцуа, аҭуан
лашьцара даҵаԥшуа днаиоит.
Ихыҵуеи, мшәан, иара? Ихымҵкәа уи, шьҭа дабаҟаху! Агара
дамкуа даналага, дгарырхит… нас, дкаҳабӷало ашьац иаҵәара
днылалеит. Нас дыҩуа, аҵәыргылақәа дырхыԥо иҿынеихеит.
Иабаҟоу с-Бзоу ҳәа даагылеит нас. Ахьышәҭҳәа уи днахыԥааахыԥеит. Ус, дыҩҽыжәлан, «чоу!» иҳәеит. Даман ҵәҩанҵәыҟа
идәықәлеит ажәҩан данҟьаны дысшьуеит ҳәа, иара дааҳәны
агәыҵахь, нас адгьыл данҟьаны дысшьуеит – ҳәа хланҵы
идәықәлеит, дааҳәны – абӷахь, нас илаз анԥнашәа иԥаџьԥаџьуа
иааиҵагылеит. «Иаажәг шьҭа сабџьар! – иҳәеит. – Ихьчатәуп
сҭаарых! Иабаҟоу саб дҿырҟьаса ишьҭоу ҳаӷацәа?! Аҳаҳаи
саб, акы уацәымшәан, абар шьҭа саргьы сахьыҟоу! – иҳәеит.
Иаҳәа цырцыр ырмацәысуа раӷацәа амагә шьхәа иҭацало
иҿынеихеит Ардашьыл – Ҳаџьараҭ иҵәҩаншьаҭамырӡга.
Ихы-иҿы ихаччо дыҭрысны дааԥшит Ҳаџьараҭ, аԥхыӡ бзиа,
иимбацыз иҷкәын идибалеит.
Ҳаџьараҭ дызлаз ахәыцра даалҵын, аҳаԥы аҿышәҭа илаԥш
назирхеит.
Аџьра, абнара шԥаҭынчроу, икаууа. Аҳауагьы шаҟа игәыб
зыӷузеи, иҟәымшәышәузеи! Ара аҳаԥаҟны макьана ихьҭаӡам,
ара сҽааԥхьасклап. Аха ахьшәашәарақәа ҟалар? Дышԥацәоу
рыцҳа Шардын драҳаҭны. Ее-и рыцҳа. Абригьы сымшала акы
ихьыр ауп… Алиас, Џьгәаҭ, Дамеи уҳәа рхы сықәырҵахьеит.
Абри Алықьса маҷк иҟазшьақәа рҽеиҭаркуашәа збоит,
аҽсықәыршәара даарак иҭахым, иҽынахига-аахигоит, арахь,
иаргьы са сеиԥш дабрагьуп. Схыԥша акалашәа иҟалеит, сыц
ныҟәара агәаӷьра уадаҩхеит. Аҳәынҭқарра иаҿагылаз ауаҩы
ҳәа сзырҳәоит. Ма уахь акыр сылшахуандаз, анхацәа шҵакыц
иҵакуп. Абри акәхап дзыцәшәо Алықьсагьы.
Ашыцламшәфҩи аҵәыҵәфҩи хәыҵҟьа ишԥацо ари аҳаԥ
ҭылашьцаа. Ԥыҭраамҭак ари ауаҩы дааҭахар, Абрыскьыл
иеиԥш иблақәа ҩеихышәшәа ицап. Абрыскьылгьы ижәлар рзы
дықәԥон, урҭ ирзеиӷьу дашьҭан. Хар имаӡамкәа дааиуан. Аха,
нас? Нас илымшаша иҽазикит, анцәа диацлабуа далагеит!
Адоуцәа ҟәыбаса еилазыжьуаз Абрыскьыл, аҵыс иаҵәа
хәыҷинӡара аҵкыс дзымиааиуа дҟаиҵеит ҳаиҳа зымчу –
«анцәа»…
Алада, лбааҟа арбаӷьқәа дырҩегьых руалԥшьа нарыгӡеит.
Инеиқәҿырҭ-ааиқәҿырҭит. Нас изықәтәоу аҵлақәа рыҟнытә
иаабаҭбаҭны инкаԥыр-аакаԥырқуеит.
Зҳәарақәа гәхьаазгаз ажәхьақәа ааӷзы-мызит. Имшарккеи
шьҭа, ҩаԥхьа имҿыхеи аԥсҭазаара ҿыц!
Ҳаџьараҭ ихшыбаҩ зегьы тсала ирҭәоушәа ихьанҭыџьӡа
ихагылан. Амыцәара, агәҭынчымра аныҟалалак, ацәа ҟьа
лахоит.
Дҿыхеит, дгылеит Шардынгьы.
– Нас уцеит ауп иахьа Ешыраҟа, Шардын? Уца, уца. Ни
кәалараа сара ирасҳәоит, уаха сцоит, уахазны, урҭ рымеида
ҳамамкәа ара иаҳзымӡбуа акгьыҟам, еибаҳҳәаз ауп.
Амала, хаха сыҩныҟа унеирц уаламгааит, уаргьы ишушьк
лаԥшуа удыруеит. Раԥхьа уныдгыл Каӡ Шьрыф иҟны. Уи аҩныҟа
днашьҭны, иҟоу-иану еиликааит. Сан илзысыцҳахьеит ахҵәара
атәы, Лыхныҟа ааразы, шьҭа еиҭаҳәатәуп ауп, иауратәы иҟазар.
Ҳаҩны ҳгәара аазхәаша аӡәыр ҟалар бзиагәышьан, аха ус
иамур, илкажьны иқәҵроуп, уаҩы дахьҟам аҩнгьы иалаҳх
гәышьеи? Убас сызиаҳәа Шьрыф. Уи уаҩ ҟәышуп, ишахәҭоу
ишәап-изап. Ҳаҩны иахылаԥшуа, ҭынхас иҳамоугьы иара
иоуп. Иауазар, саргьы дук хара имышьҭыкәа схабар дсырбар
ҟалап. Ех, знык Маџь ибланҭаԥшра. Дуаҩ рыцҳаҵәҟьоуп зыхшара ибара иақәиҭым.
Аҳыҳ, иаауҳәаз зегьы-зегьы саҳаит, шьҭа угәы умырԥшаакәа,
ԥшьаала сымҩа сықәҵа! – иҳәан, дыҩҽыжәлеит Шардын.
Ҳаџьараҭ иҵегь аҩада абахә ааигәара аџьра жәпахьы иҽ
неиҭан, тапанчала ацәҟьарақәа реихсра дналагеит.
Уа аҵәасса зҿаз ҵлакы днаҵагыланы аҵықь ааҭиргон, иал
кьны иҟоу ҵәа кәымпыл хәыҷык агәҭа кылҵәаӡа, ипаӡа алашара аакылԥхон. Нас уи анаҩс иҿоу, ааҩс иҿоу уҳәа, инрықәкнрықәкуа аҟәҟәа дреихсуан. Храӡагашәа икылхха иҟаиҵон,
иубап зган иацәхасуазгьы, иубап изывҟьозгьы. Усҟан, ҭынч
итапанча нарҳәы-аарҳәуа днаҿаԥшуан, иара иахароушәа.
Аҵәассақәа даарҟәаҵны аҵарақәа рахь диасуан, аҟәақчақҳәа шьыбжьаанӡа аџьра агәҭаҿы ахысбыжьқәа гон. Аҵыс
амахә иқәтәаӡамызшәа икәалаауа илаишьҭуаз убарын.
Хысрала игәы аԥсы аршьаны дхынҳәны дааит Ҳаԥкылҵәахь.
Шәрак ҭӷәааны аҭәа аузыжьыз иашәа деиқәтәеит. Уажәгьы
ишаҳәшаҳәуа иҟаз итапанча патрона ҿыцла еиҵаԥахаа, аб
ҟәыл ҩарҭәны иниҟәниҵеит.
Нас днеин, Араԥ ашьапы ааԥыртланы аӷәра нахеиҵеит.
Абӷа инапы нықәырсны атрымҳәа наҟ дахыԥо, арахь дахыԥо,
даара акыр иҽирааԥсеит. Усҟан, Араԥ алымҳацәқәа кьацәкьацәӡа иҩышьҭнахуан, иланарҟәуан, убри ицҟанаҵон. Данаалгалак, маҷк иаарԥшқашәа иаақәырқәыруан. Ицәажәашоу,
анаџьалбеит!
Нас, Шардын хчнызас имаз ааҵәаҟны днеин, аихалаба
иаҩызаз ԥшьба-хәба џьықәреи лапҟьа ҟаԥшьыхәҵәараӡа иазааигеит.
«Уажәыҵәҟьа Араԥ, уажәыҵәҟьа ашьамхҭаҵага уауеит, нас
ҳҽаҳкәабоит».
Аӷәра алагама ааҿыхны, алапҟьақәа ааиҩыҵәҵәаеиҩыҵәҵәа инкеиԥсоит. Иара ахаԥыцқәа лақәырӷәӷәаны,
аҿы иааҭаҿарпны аӷәырџ-аӷәырџҳәа ӡлагарашәа иалагон,
цырақәакгьы наҿыҵышәшәаны ашьацра инылаԥсон, аха
уи иара зынӡакгьы хьаас иамаӡамызт, зны-зынла аҵыхәа
еиԥшьклахәхәа аамҩаннаҵон. Ҳаџьараҭ иҽы ацлымҳәашь
ҭыбжь дазыӡырҩуа, аҿы ианкны иаԥхьа абжьынҵ иҩылҳәҳәоз
ақыдбажә ахы дықәтәан.
Ишааҩыц ахьхьаҳәа иааҩуан лахьхьынтә, Ҿбаарҭа аӡиас
кәеикәеи хәыҷы абжьы. Маӡа-аргама, иналак-аалакны, аҵа
рақәа кәли-ҷлиҳәа акы неибырҳәа-ааибырҳәон.
Иааигаз аџьықәреиқәа нарҳәы-аарҳәны цқьа игәылхны,
иҿырпны, аҳаскьын иалакны ианафа, дҩагыланы аҽуапҵаршә
нақәыршәны дҩышьҭыԥан, даласоушәа абӷа днықәтәеит.
Иааӡыӡымкит. «Чоу!» – иҳәан, инықәырԥал-аақәырԥало,
алада, ахылаӷьарахь, аџьҵлақәа днарывакәараҵа-аарывакәа
раҵо аӡахьы дылбааит.
«Ыы, амышьҭацәгьа, ара уабаҟаз!» – иҳәан, итапанча ааҭ
ԥааны аҟәақ ааҭиргеит, данылҽыжәԥа. Жьак алымҳацәқәа
ҟатҟато, инаа-наауа наҟ ачықьра инылапҟеит. Аӡы ахықәан
акәыкәымдраҟны иаазцоз уи акәын – агәчама хәыҷ аҟны ахы
ахьаӡывасыз ацәа лахԥеит.
Ариабжьарак ныҟәаран изҿыз Араԥ, ашәах ҟәаш ақәҩаны,
ахәыцқәа еидҷабланы акәын ишыҟаз. Амра жәҩангәы иҩеи
хьан, ишоуран. Аҵлақәа рԥашә азааигәара иаҳа аӡышьшьыра
ахьыҟаз иҽеилыхны, иҽы аӡы илалаиргылеит. Ихьшәашәоуп
аӡы, аха ӡынгьы-ԥхынгьы Гәымсҭа еимгәҳәо зҽызкәабалоз
изы акгьы аанагаӡом.
«Амшын, амшын!» – рымшуп џьоукы. Амшын закәыхи?
Ижәпаӡа, ихьанҭыџьӡа, иҟәазгаӡа. Егьи? Ӡнума, ԥхнума Гәым
сҭа уҽыкәабаны уаныҩҭыҵ нахыс – ашьауардынқәа урыцны,
уԥыруа ажәҩан ашҵа уҵоушәа ухы убоит.
Далагеит Араԥ ацәылҳәара. Аҵыхәа ӡса-ӡсо аӡмыжь
ихышьшьыла, иханагаланы ихуп. Аӷәра ахаршәны иалагылоуп, иара иҩнапык рҟьаҟьаны иақәишьуеит, иагәыҵишьуеит,
аӡы еимгәыҽҽо давагьежьаауеит иахьабалак. Ашәах-гәам
ацрыҵны илеиуеит! Аԥсыӡ ссақәа аӡы аҵантә еилаҩеиласуа
рҽыҩхагаланы аӡәӡәаха инамцклас-аамцкласуеит, џьара
ламҵк ма кәыбрык зҳәаз иеиԥш акы алазар, атыҟҳәа иаа
лыркәыцәаауеит. Уи – рҿаҵахәоуп.
Ирышҳаны, ирыхьны, иҩҭигеит. Иԥаџьԥаџьуа аӡхықә ашьа
цра иаақәгылеит лакәҵас. Аџьбыӷьқәа ирылсны, иҿыпны
азқәа иқәԥсоз амра ашәахәақәа еилаџьуџьууан, иуҿаҷҷон.
Ахәда ҟьаҟьара ырхәаны инышьҭафҩы-аашьҭафҩит. «Аҳыҳы!» – ибжьы ааиргеит Ҳаџьараҭ аҽыкәабара дахьаҿыз
аҟнытә. Аҳаиуан, иахьугалак иҳаиуанми! Еилаԥхаауа, ицқьаӡа
икәабеит уажәы ишьҭафҩуеит, абылгьара аҽазнакуеит.
Иҽыкәабаны, аӡы ҭырҽҽа даныҩҭыҵуаз, ацәқәырԥ ссақәа
аԥаҩ иныгҿасын, уа иқәԥсаз иеимсқәа руакы аамҵарс
идәықәлеит. Иҽы аӷәра аас махә инадҿаҳәаланы, дықәԥақәсуа
днашьҭалан хара имцакәаднахьӡаны иааӡааихит.Нас рыҩбагьы
аӡы илҭагәаны, инҭырҳәцааны иааирҟәыҷын, иааилырҩааны,
амра зыдшылоз амахә-чымахәқәа инархеиԥсеит.
Аҟәараҟны ибылгьаӡа иарылыҳәҳәоз хаҳә цак днықәтәан,
дааԥышәырччеит. Ргәыла Мамсыр ҳәа иҟаз дааигәалашәеит.
Уи алажәқәа рацәаны иман, дахьцозаалак еиԥхыҟәҟәа ицын.
Гәымсҭа аӡы дҭаларц длеит зны. Ижәцәеимаақәа руакы ишь
хны инкаршәны, егьи сышьсхуеит ҳәа дшаҿыз, илақәа руакы нышьҭасын, уажәы иеимсы аӡы ишымҵанарсыз еиԥш,
икаиршәыз ижәцәеима аашьҭыхны иҩт, уи азы иаазшәа.
Ари збаз ҳа ҳоума рҳәазшәа, аҩызцәа зегьы аақ-аақҳәа
илеи-илашьҭаланы илахьӡан, иааныркылан рхәыжә рылеи
бахуа аибарԥсра иалагеит. Иара ҭынч дтәаны илақәа дыр
зыԥшуан.
«Ҳы, шәаапкны абна шәнылыҩр шәцааитеи, изтәу скәаԥ
ҷаҷараӡа ара стәоуп, акгьы сҳәаӡом, шәарҭ иаразы шәнибар
ҵәоитеи!» – иҳәеит.
Нас еидыԥсылаӡозшәа аниба, дцеит дрыбжьаҟазарц. Еинрааланы, хаала иеимаа рымхны данааи, ишыҟалах здырхуада,
егьи иаанхаз ижәцәеимаа ԥарԥалыкьха, иӡса-ӡсо аӡы иаманы
илеиуеит.
«Игала, игала, ус есқьынагьы иузгозаргьы сымбари!» –
иҳәеит. Изаанхаз егьи иеимаа иҩнапыкла ирӷәӷәаны икны
ҳамҭак дтәан, аӡы дхыԥшыло. Нас дгәаан, иара уигьы ирууаӡа
иршәны аҩыза иашьҭеиҵеит, еицызааит рыцҳа уахь иҳәан.
Иқәԥақәсуа ажәцәеимаақәа еишьҭаланы алада ицон.
… Аҽы шбарыз ианба, аҽуапҵаршә нақәыршәны, ахьшь
аскьынџь ианықәтәо еиԥш, атрымҳәа абӷа днықәххын, аҩада,
аџьра дҩаҿалеит. Иаанхаз имш уахь ихигеит.
Адырҩаҽны акәын. Амра анылҭагьежьлак нахыс, ара,
Ҳабҩы иаразнак ашәшьыра нахатәон. Абахәқәеи аӡырҩаши
рыбжьара иҟоу, ахәаҟны иқәгылоу Царгәыш Никәала иҩны
ахыб, аҵыхәтәаны амра иаунажьыз ашәахәа ықәыԥсон.
Ақә ашәшәыҳәа алҩаҵә алшәшәон. Аҿаԥара иаҿакыз аҟны
ахьурӡы еиҵаԥсаны, амҳаԥ ааҵшьуа дахагылан аԥшәмаԥҳәыс
Ашьа. Аҿҿаҳәа ибылуаз аџьымҿқәа ирхылҵуаз лҩеи мцабзи
лҽырцәыхьчо, зны наҟ ахәышҭаара днахыкәшон, зны арахь
дааиасуан. Ԥҳәыс асак, ҷышәшәык лакәын лара, аха ирҳәон
уи дшьанҵалыхуп ҳәа. Иаҭаххозар, уаашәҩык кәтыҿарҳасрак
иалагӡаны илырчон, еиллыргон ҳәа.
Асасцәа – ашәарыцаҩцәа, абрагьцәа уҳәа, арастәила
акәын мҩас иахьрымаз. Абра иртәарҭан, иргыларҭан. Ларгьы
дырдҵас дырхагьежьаауа дырхан.
Иаҳҳәап, сасцәақәак рзааин Ашьа лыԥҳәысмусхәала шәи
шәик лшьит, агәараҳәа ижәуа иҭоуп. Никәалагьы ажьҵаа
ажьыхҵә иахацаланы иҽҳәаирҵәиауеит. Ашәарах жьҵаафҩы
уарԥсылмыткуа аԥацха иҩнагьежьаауеит.
Абри аамҭазы амҩа хара иаркараз даҽа сасцәақәак аам
ҩахыҵит. Ишԥа, нас арҭ рхәы иалалыгӡарц, ус аԥсуа чеиџьыка
иаҵасым, асас ҿыц – ахәы ҷыда! Даҽа шәишәик ахы нхыц
ҟьаатәуп, уи иалаугӡаша ракәзар, убас – акәацгьы.
Уажәы сас дырҭаӡам. Ашьа амҳаԥ ааҵшьуа лычуан дахагылоуп, лыԥшәма дынҭыҵит уажә дааиуеит. Ҳаџьараҭ иакәзар,
егьи аҿаԥараҟынтә ҷах-махҳәа ишьҭыбжь гоит. Иабџьарқәа
еимхаршәшәаны, ицырцыруа ррыцқьара даҿуп. Итапанчақәа
акасыжә бала ирбеит. Иаахаирҟәалан, иаацәырҵыз акыл
ҵәара кылышәшәаақәа акакала днарҭаԥшы-аарҭаԥшит. Сар
кьоушәа иҭыцырцыраауан. Нас, аттаҳәа апатронақәа нҭыр
шәшәаны, еимгәамӡо еимгәаирҭәын, наҟ ацәардаӷәы ины
қәиҵеит.
Ибардан шәақь дырҩегьых аҵа дынкылыԥшын, ицқьаӡа
ишыҟаз агәра анига, инарҳәы-аарҳәны акасыжә нахьҳәаны
аҵәырҵәырра ааирбеит. Уигьы «амгәахә» наҭаны агҿаҩра
ингҿаиргылеит.
«Ҳала иабо зегь ҳара иҳазҭода! Аӡә дысгәаԥхеит ҳәа,
умҵаа-умԥшаа дымҵарс дугоит. Лара улҭаху-улҭахыму, уи
уазҵааӡом. Нас сара сыгәхьаамкра тәамбароуп ари! Ҳиқә
шәап, ҳаиқәшәап уареи сареи хаҵаҵас!» – абас дышхәыцуаз
ауп, «Аԥшәма уҟоума, аԥшәма!» – ҳәа ааҵрахьтә, ашәаԥыџьаԥ
рацәаны иахьгылаз ала абжьы шгаз. Ҳаџьараҭ иикуаз, иишь
ҭуаз даарҟәаҵны, итапанча ахьықәыз инапы нақәкны даашь
хынԥсылт. Ибардан шәақь аагҿиԥаан, ацәарҭа инаҵеиҵеит.
Дырҩегьых аҭӡамц ахь илымҳа нкыдиҵеит. Уаҳа акгьы иа
ҳауам, ҷырт-сыртҳәа ҵыс бжьымзар! Уамашәа иубаша, иабаҟоу
аԥшәмацәа рламурақәа, ақәыџьмақәа кажьны изфоз? Аԥшәма
ицзар акәхап. Уи ашьацҳәақәа иргылаз гәеиҭарц дцеит, мшәык
ҿаа-ҿаауа иакызаргьы иудыруеи!
Иҩтапанчакгьы наҟ-ааҟ ихаршаланы иаанкыланы, ишьыгрын еимаақәа рԥынҵа дықәгыланы, ахышә аганахьшәа блак
иҭаӡаратәы иамаз акылаара хәыҷы дынкылыԥшит. Ассир!
Хҩык астражникцәа раԥсақәа ҵәызҵәызӡа арахь ирханы,
рабџьарқәа ишрыҵхара иркуп.
«Ааит, алақәа! Арахь акәын иахьықәнамгалацыз. Аԥсра
ргәыҵашәандаз, араагьы сыԥба ркызаап! Иараби, иараби…»
Абыржәызаҵәык ишьамхы иҽизаргар, абыржәызаҵәык,
анаџьалбеит. Нас ԥыҭраамҭак арахь ихабар уаҩы иирбашамызт.
Иԥсыхәоузеи? Дыӡтеи Никәала, иабаҟоу Араԥ уигьы ааигәа
иҟаӡам…
Ишьамхоуп Акьахьба ҷкәын дзықәгәыӷша иахьа, уаҳа акгьы.
Убри аамҭазы, ҷыжьжьыҳәа аԥацха ашә аартны адәахьы
дындәылҵит Ашьа.
– Бҩарых бнапқәа! – абџьар налгәыҵаркит астражникцәа.
– Бзиала шәаабеит, шәааи аҩныҟа. Сара амҳаԥ скуп, шәарҭ
– абџьарқәа. Амҳаԥ – чеиџьыкоуп, абџьар –шьоуп, арҭ еинаалом!..

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 10
- Büleklär
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3407Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23900.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3456Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3422Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23790.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24450.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3376Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23320.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3415Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3389Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24150.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3458Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23930.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3392Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23920.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3433Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3435Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23100.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3388Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3405Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23420.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3451Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23850.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3456Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23800.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3399Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23380.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3467Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24030.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3468Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3548Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23740.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3499Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22990.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3500Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1205Unikal süzlärneñ gomumi sanı 8410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.