Latin

Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 07

Süzlärneñ gomumi sanı 3376
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2332
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
– Са соуп, Шьрыф, сыбжьгьы ухашҭма! – иҳәеит Ҳаџьараҭ
дааҭынчханы.
«Уздыргәышьеит. Заманалаҵәҟьа, уздырит, аха уаазцаз ауп
исзымдыруа» – ааиҳәеит гәаныла Шьрыф.
– Усзымдырит, уарбану! Уца уара наҟ, алышькьынтыр уагааит! – илажәгьы наҟ днаҵаҟьеит, ихгьы аацәыригеит.
– Хҭарԥа-шкәакәа ҳәа шәзышьҭоу соуми. Ҳаит, зегьы шәцәа
шәацәшәо шәҟасымҵеи шәыгәнаҳа сзымгааит! – иҳәан,
дылҽыжәԥаны и-Раԥ аӷәра ианкны арахь иҿааихеит.
«Ари макьана дшәарҭазаарым, сара баша сгәы сышьҭит.
Даара узықәгәыӷша аӡәы иҟынгьы уааитеи! Анцәа иҳәаны
исаӡар, уара ула сыбҟәыл хәыҷы хьыла иҩежьӡа исырҭәуан.
Нас сҭаацәа аашьҭыхны сныҵаҳа сцагәышьон. Исаӡагәышьар.
Еҳ, усыцхраа, сынцәахәы! Хаҵарамзи уажәы аҵықьҳәа
иааигәыдҵаны дсызшьыр. Ампыл лбыжьԥаа исымгагәышьози,
аха уи зылшо ахаҵа дабаҟоу. Аҵыс мҩас абла ҭызҟьо, снапы сырқәацаанӡа сеиҩҵәа скаижьпеи! Уԥши, уара, ҳара

ҳаҽкынҵа ҳишьҭоуп, иара ихала арахь даауеит, акы даанацазар акәхап!..»
– Уеибгома, ухаҵкы сара сцааит, Хҭарԥа-шкәакәа?! –
«дгәырӷьаҵәа» днеиԥылеит Шьрыф.
– Сыҟагәышьоуп макьана. Шәа шәышԥаҟақәоу, уԥшәма,
ухәыҷқәа, шәыгәқәа бзиоу? – дҵааит Ҳаџьараҭ.
– Иаҳурхьгәышьоузеи, ара ахәышҭаара ҳаҽҳәатәоуп. На­
сыԥ бзиа зауша, ԥҳәысгьы дааугеит. Андыба Еснаҭ – хаҵа
ӷьеҩуп, унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәо уаҩуп. Иԥҳа дугеит, абна
ушылаз. Уи, аиашазы, хаҵараҵәҟьоуп.
– Абзиара уқәзааит, Шьрыф. Ахаҵара абаҟагәышьоу, аха,
азаҵәра ауаҩы игәы нкыдкыланы икыднашьаауеит.
– Ааи, гәышьа. Џьоукы Нхыҵҟа дыбжьҟьеит рҳәоит,
џьоукы Дал , Ҵабал – ауаа егьа рҳәап. Ааигәа уԥҳәыс аҩныҟа
дааушьҭит, уи бзианы иҟауҵеит. Аԥҳәыс – дыԥҳәысуп, аҩны
дтәазааит. Уи илкьысуада, дшәарҭам. Уажәы уабантәаауеи?!
– Шьрыф илымҳақәа џыхӡа Ҳаџьараҭ димҵагылан. Ихагәҭа
акылӷьашаара ҷаԥшьӡа иааԥшуан.
– Ааи, уахь анахь – абрагьҩы дахьымцаша убахьоу. Иахьа
– ара, уаҵәы – нахьхьи, – иҳәеит Ҳаџьараҭ.
«Ишимҳәо убоу, аҩсҭаа дихәхааит!» – ааигәахәт Шьрыф.
– Абар, шьҭа мызкаҟара ҵуазар ҟалап саақәымлеижьҭеи,
ишԥаҟақәоу рыцҳа, сҭаацәа. Агәырҩа бааԥс рыгәқәа ахәны,
иеиҭымха итәазар акәхап? – дҵааит Ҳаџьараҭ.
– Еи, агәырҩа иамгакәа, нас, шәзықәшәаз – иубо ауп. Ус
хар рымаӡам, уа снеилоит, сааилоит…
– Издыруеит, Шьрыф, издыруеит. Аӡлагарахьгьы ишу­
мышьҭуа здыруеит, аха уаҳа иҳамагәышьада…
«О, уара, ари иабеидыруа? Аа, мызкы ҵуеит смааижьҭеи
имҳәаҵәҟьеи. Ҳарҭ ҳҭаҳәахаа ҳацәазаап, убама. Ԥҳәыс дааигеит, шьҭа аҟәақҳәа дласны ачара ҳзиур, шықәсык бжьысхьеит, аха уи ауп иҳақәнаго. Аӡаԥшьаа дуқәа, ауриадник Амаан, шәабаҟоу шәанаџьалбеит! – игәы аҭыԥ иҭамгыло, иԥсы
имхарацәаханы дгылоуп Шьрыф.
– Ее-и, исылшагәышьозеи, аха ҳәсақәак рымацара еилахеит, снапы нарыдыскылоит. Ҳҭаца хәыҷы деикәаҭәы, анцәа

ишиҳәара дгылоуп. Кьахьаа шәыҵәҩаншьап лырӡрым уи, –
Шьрыф илақәа ыргызмалны дынихәаԥшит.
Ҳаџьараҭ уи ақәҿымҭкәа, ус ихы аалаирҟәит.
– Иҟоузеи уажәыҵәҟьа, арахь ҭынчроу? – дҵааит Ҳа­
џьараҭ.
– Мамоу, уажәыҵәҟьа маҷк иааҭынчрахт. Амала, Омар
рыцҳа, рыцҳа сҳәоу, инеиҭаргаша Омар, иашьа Алықьсандри
ауриадник Амаани ҩызцәақәак рыманы адгьыл иҵалт, иҵысит,
атәыла дырбгеит, аха уанырзымԥшаа, ахәаҭахәаҭаҳәа ишны
еиқәтәаз ажьаӷь еиԥш уа иаанхеит.
– Ишны еиқәтәаз ажьаӷь ауп иаҳа ишәарҭоу, уи амца иацгылоит!
– Ааи, аха…Леи-ҳәеи дыҵырхааит Омар, изакәызеи ҳааз­
қәиршәаз ҭаацәара бзиахәк ҩахыӡаа ишԥацо! Уааи, мшәан,
арахь. Адәны ургыланы усымоуп, аригьы дсырҿыхоит, бысҭа
ԥхак ҳзылуп.
– Мамоу, уахь снеиӡом, Шьрыф, иҟоуҵаша уасҳәап. Уҿы­
наханы, Џьныш икәара унҭысны, аиеи уи акәара иаҳа ишәар­
ҭоуп, амҩа кызар ҟалоит, Кәынта иқьаԥҭажә ала уаакәшаны
унеи. Ҳла дуқәа уркып ҳәа ушәоу, урҭ рыԥсы иарҭахьеит.
– Ааи, урҭ ахәшә рыҭаны изшьыз – рашәа ԥшьшьапык
рыҵаланы, аху-суҳәа ишуа адәы иқәлааит!
Абригьы иҳәеит, иагьааицәымыӷхеит. Шьрыф ишәи ҟалар
иара иакәын изықәшәоз, аха изырҟаҵаз? Урҭгьы аҵанакуан,
еиԥшны, аху-суҳәа иеиҿашуа адәы иқәзаарын. Астражникцәа
иршьит ҳәоуп ишырдыруаз ауаа.
– Уи иазаауазеи, иҟалашаз ҟалеит. Даара угәуҽанҵаны
цқьа уԥшыхә, амарџьа. Издыруада ус шьоукы урылашәазар,
иуҳәаша дыр, рахәык уцәыӡны уашьҭоушәа, анс-арс, акы на­
ҳәа-ааҳәа. Еиҭауасҳәахуеит, Џьныш икәара – гәаҩа бааԥсуп,
ҭшәарроуп. Убра гәрамгарҭас исымоуп. Амала, аҩныҟа умнеин.
Аҳы, уласы сааукәыхшеит. Уанаагьежьуа, сара абрирахь, абнара ацәхыԥ ахь џьара субоит, – иҳәан, Ҳаџьараҭ днышьҭыԥан
аӷәра иахо игылаз Араԥ акәадыр днантәалеит.
– Ибзиоуп, Ҳаџьараҭ, сцоит. Абас умацара узныҟәозеи
ҩы­зада-ԥызада? – ииҳәарызеишь ианаџьалбеит ҳәа днеи­
ҿаԥшит.

– Ианшәарҭам сымала сныҟәоит. Шьҭа хәыҷык иҭынчрахеит
шәымҳәеи, – изаҭахузеи амыцхә агәаартра, сызҭагылоу аам­
ҭазы уи акгьы ианахәарҭам, ааигәахәын, абас наиаҭаикит.
– Умацарҵәҟьа умныҟәалан, иагьаумҳәан макьаназ… Уаҩ
дзықәгәыӷша аҩызцәа умоу, узҵәахыша, ианаҭаххогьы – аӷьа­
раҳәа илаувагыланы забџьар иҩахо?
– Аиҳарак абни Џьныш-икәара улаԥш ахыз, Шьрыф.
«Уҭарҟәаҟәааит Џьныш-икәара, аӡәы ар рашәа иҳәон
аӡәы амажәа иҳәон ҳәа, ишимҳәо убоу, агызмал! Егьаурым,
уха­лаҵәҟьа уааины ашьацҳәа уаҿалеит».
Ҳаџьараҭ наҟтәирахь абнаҟны инижьыз иҩызцәа рахь ихы
наирхеит.
«Иаанагозеи сыԥхыӡ? Иахак аԥсаатәеиԥш, сҳаракӡа, сԥыр­
уа ажәҩан салан. Аԥхыӡ, аԥхыӡ ҩысҭаа мыжда…»
Шьрыф ахыкәалаа ишьҭоуҵар ихьымӡо дыҭрысит аҳҭын­
рахьы. Ԥыҭрак ашьҭахь аусқәа еиҿырцаан.
Аӡхьамԥш ааигозшәа дкылыхх дааит ажәабжь иманы. Иарбанзаалакгьы џьара шәарҭак ҳәа акгьыҟам. Маҷк дынхазаргьы, дзынхаз дахьыԥшыхәуаз ауп. Амҩахәасҭақәа зегьы ккаӡа
иҭацәуп. Џьныш-икәарагьы – убас. Дҵааит дымшәа-дмырҳа!
Днеиааит иҩны, иҭаацәа днарылаԥшааит, иҽыртаӷаны иԥсы
ишьааит, иԥҳәыс ҿа дналыдтәалааит…
Аҽцәагьы рҟамчышьҭыбжьқәа геит. Апҟара-пҟараҳәа
Џьныш-икәара илҭысны, Кәынта иқьаԥҭажә иаавагьежьны иҩ­
ны иҩадгылеит. Маҷк иааикәаӡырҩқәеит, анахь-арахь рлым­­
ҳақәа ҵарӡа инкыдырҵеит. Аҵх еиқәара акгьы алубаа­уам.
Амза цәышӡа аацәырҵымҭа иазԥшит, акгьы рбом, ҷыт­бжьык­
гьы ыҟам. Ԥшак аасын, аԥҭеиқәаҵәақәа ԥхаҵо ашьхарахь иагеит. Ажәҩан ӡмыжь ааимыггеит.
Еҵәаџьаа ажәҩан агәы ааиҩыршан, илхбыкьит. Рбаӷьқәак
аккаҳәа иааиларыԥсеит. Аҳҭынрахьтәи лак абжьы ҭахәаҽшәа
агәаҩ-агәаҩҳәа иаагеит..
Ҳаџьараҭ иҽы аӷәра иҩызцәа инадыркны игәараанда
днахууаан, агәарԥ дынҭаԥалеит. Днеины иҵашьыхаа иаркыз агәашә асақь аалихын, иҩызцәа леигеит. Аҽқәа ананыра
инаҵаҿарҳәеит. Нас, «Бзиала шәаабеит!» – иҳәан иҩызцәа
ама­ҵурҭахь има длеит.

Аҭаацәа ҿыхеит. Аибаргәырӷьара, ашәара… Абри аам­
ҭа­зы, арҵәааҳәа сабик ибжьы акәасқьа ауадантә иаа­ҩит!
Инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшит. Ҳаџьараҭ ихәы-ижьы қақа­ӡа иҩеи­
лагылеит: «Ижәлазаҵәыкыз ҳашьҭра, Кьахьаа ҳаҵә­ҩан­шьап
мыӡраны иҟазаарын, зхьышьаргәыҵа сакәых­шоу сынцәахә
ду… Абар иахатәи сыԥхыӡгьы – аԥырра, агәаз­ҳара».
Игәырӷьараз аилаҩынтра ааиқәтәеит. Амаҵурҭаҿ аҳәса
ахәы ҟарҵон, ааҟтәирахь – ахацәа еицәажәон.
– Ҭауади-аамсҭеи рхыԥхьаӡара рацәаӡам, абарҭ ҳнацәкьа­
рақәа рыла иҳаԥхьаӡартә иҟоуп. Ҳарҭ? – иҳәеит Шардын.
– Ҳарҭ анхаҩыжәлар ҳамчқәа зегьы еидкылазар, адгьыл
аарҳәтәызар, иааҳмырҳәгәышьози! – нациҵеит Никәала.
– Убри ауп аусгьы. Аҳәымсаг хәыҵәқәа харабӷьара ианыҟоу
акакала рԥыҵәҵәара мариоуп, урҭ ааидкыланы, еиларҟацаны
иануԥалак ауп амч аныҟало! – иаашьақәирӷәӷәеит Ҳаџьараҭ.
– Издыруада, қыҭа-цыԥхьаӡа унеишь-уааишь ҳәа зарҳәо
аҭаҳмадцәа бзиақәа ааидкыланы дара ирзынашьҭызар. Шәа­
реи ҳареи ҳаинааланы ҳанхалар шәҭахызар, иҵегьы ҳарҭ
анхацәагьы ҳаҳаҭыр жәбала. Ҳаргьы аҵла гәаҩа ҳҭымиааит,
ала ҳаанамцеит. Адгьылқәа ишәымажьу ша-шаны ԥыҭк ҳашәҭа
ҳәа раҳәазар ирҳәоз ҳамбози! – иҳәеит Џьгәаҭ.
– Ус акымзарак ҳарҭом. Еиӷьуп, дара аӡәаӡәала иааргәыдҵаааргәыдҵаны ишьызар. Нас рыдгьылқәа анхацәа ишырҭаху
иршон! – нациҵеит Кадыр.
– Изакәызеи, уара, Хакәыцә илақәа зегьы аҟәҟәаҳәа иаары­
лаҵаны ианишьуаз еиԥш. Ижәцәеимаақәа рҵәрынҵаразы
аҵар­мақьа ақәырҳәҳә ианышьҭеиҵаз, лак игәанаҭазаап, иа­
феит. Хәбаҟа-фбаҟа ла имазаарын. Даарыԥхьан рызегьы
ааикәшеит, икәаӷ-кәаӷӡа иҿаԥшуеит, акраҳҿеиҵоит ҳәа. Акакала зегьы дырҿаԥшит, аха изфаз иалеидырааи, да­ра акгьы
рҳәом. Абар, иахьа чарак ахь дцараны дыҟоуп, ишьеиҵо
имаӡам. Деиҭарҿаԥшит икылкааны, даргьы рыхқәа на­
ҭа-ааҭо ихәаԥшуеит. Дҩагылан, бысҭахьшәашәак аборахь
иныҩнаиршәит. Иабџьар ҭых даарылалан рызегь шьны илеи­
қәижьит. Шьҭа усгьы сыжәцәеимаа зфаз уа ирылоуп иҳәан,

игәы ааирҭынчит. Уажәы изхысҳәаауа, ҭауади-аамысҭеи зегьы
шьызар ҳәа Кадыр ииҳәаз ауп, – иҳәеит Алиас.
– Аҽеидкылара, аҽеидкылара аҭахуп мыццакрада, зны
– хшыҩла, нас – мчыла. Уахатәи ҳаиқәшәара, ҳаицәажәара
аҩы­за мҩаԥгатәуп маӡала ақыҭақәа рҟны. Уаха ара ҳаиқә­
шәара ҵыхәтәантәиуп. Сҭаацәа хҵәаны Бзыԥынҟа ицароуп,
уахь ҭыԥк шаарзысыԥшаалак еиԥш.
Ԥыҭк еидхалеит арҭ шеицәажәоз. Нас Ҳаџьараҭ деиҭаныҩ­
налеит иарԥыс дахьыҟаз ауадахь.
– Сҳәыҳәԥшқа с-Маахырбла! дааигәыдиҳәҳәалеит. – Ихы­
ҵ­уазеи ҳҽыҩҷкәын?
– Хаха-хымыш! – Гәында лылаӷырӡ цақәа Ҳаџьараҭ иӡамҩа
иахьлыршон. – Ҳақәга ара ирласны, аҳҭынраа ираҳаанӡа,
мамзар, ҳшыҩнаку ҳарбылуеит. Игәышԥы хәыҷы ҟьаҟьаӡа
дышуеиԥшу убоу?!
– Сыҵәҩаншьап… анаџьалбеит Кьахьаа ҳашьҭамҭа ыӡра­
ны иҟазаарымызт. Ааи, мчыбжьык иахызгом. Ауаҩы дышәзаа­
сышьҭуеит, сангьы иласҳәеит. Ардашьыл ихьӡышәҵа ахәыҷы,
Ардашьыл. Анцәа дылбааԥшны духылаԥшлааит! Уан агара
узлырҵыслап, аҟармаҵыс узышәаҳәалап, мшызҳа иузҳалап.
Иуаҭәоу, Сасрыҟәа ирашь Бзоу иаҩызоу аҽы узысыԥшаап.
Уабдуцәа урышьаҭамырӡганы уҩагылап.
Ҳаџьараҭ даагәаҭеин иҩызцәа рахь дындәылҟьеит.
– Аҳы аҩызцәа, ҳдәықәшәҵа, аҽқәа рахь. Мамзар иҳа­
цәшоит! – еиманы индәылҵит.
– Анцәа дышәхылаԥшааит, нанраа, шәхы шәыхьчала, нанраа! – ан дгәаҟ-ҵәаҟуа лыбжьы нархьылыгӡеит.
– Ԥшак ҵәыҵәӡа амшын ахьтә иааҭыҵын, инапыршьышьуа
ашәаԥыџьаԥ иалан. Амза алымҳа ианкны инарга-ааргошәа
ицәырҟьа-цәырасуа аԥҭақәеи дареи еилыхо аиқәԥара иаҿын.
Иҭынчымызт аҳҭынра. Игәыҩ-ҿыҩӡа алашбыжьқәа ааҩуан
уантә.
Ҳаџьараҭ иҩызцәеи иареи иццакы-ццакуа ананырахь рхы
надырхоны еиԥш:
– Шәымҵысын, мамзар ԥсроуп! – акаҩҳәа ҿыҭбжьык ала­
шьцара иаалҩит. Инақәырццакны агәарԥ анҭыҵ аҳәирақәа
аахәыҵамацәысын, аҟәҟәаҳәа ахысбыжьқәа геит.

– Зан илыхшаз, заб игәы змоу Алықьсандр, абыржәашәоуп,
ушьоура аамҭа уҭагылоуп! – иаҳаит Ҳаџьараҭ иидыруаз бжьык.
Уахь ахы рханы аҵықь ааҭгеит ибардан шәақь.
– Шәсышьҭал, абааԥс, арахь, арҭ ԥыҭҩык ыҟоуп ҳәа сыҟоуп,
акы шәымшәан! – иҳәан, иҩызцәа ихьырԥшны ахҵысҭахь
деихеит Ҳаџьараҭ. Уа инахыԥар, нас ананыра ааигәан. Араԥ
ақәырқәырра иалагахьан.
– Нан, сыҷкәын, уҭахара аҩны иааугама, иҟалази, агәа­
ҽанызаара зумамзи, имшәо агаӡа иоуп, нан, срыцҳами?!
– лҳәан, лҭаацәа ршәаҟьаны уадак илыҩнацаланы аҿаҩҳәа
ацаԥха ҩалыркын, лыҷкәын ҳамҭас илиҭаз лтапанча лыхчы
инаҵԥааны ҵаҟатәи ашә аалыртын, алашьцара дналалеит.
Ахысбыжьқәа есааира иӷәӷәахон, еилаҩынтрахеит. Арҭ
аҩызцәа зызнеиз ахҵысҭа ԥыҭҩык астражникцәа ирыхьчозаарын. Аха абри аамҭазы амза ԥҭеиқәак аԥырачын хысра ҳәа
акгьы рзыҟамҵеит. Иара ус еилаҳан атахсахҳәа еибакит.
– Аҟамақәа, аҟамақәа! – бџьарҵас ибжьы ҭҟьеит Ҳаџьараҭ.
Напышьашәала еилалт. Ақьра, аӷызра, аҟама цырцырқәа ашьа
рҿашуеит.
Ҵаҟа аҩны амҿтәы шьаҟа давҵагылоуп Раҳаима лтапанча харшаланы. Нахьхьынтәи, Алықьсандр ицыз астражникцәа
иманы арахь дыҭрысит. Амза иаулак аԥҭеиқәаҵәара ина­
гәылҵит. Уи илнарбеит урҭ рцәаара, аҵықь ааҭлыргеит. Раҳаи­
ма иааҭлырҟьаз ахыкәалаа аҿывҳәа ахыԥша нарыннадеит.
Даргьы агәара-сараҳәа уа рҽынкарыжьит. «Гәыԥҩык ахацәа
ԥҳәыск стапанча иацәшәеит!» – лҽаварӷәӷәа днавагылт лы­
шьаҟа. Иара убри иҩанҟьҟьеит аҿыв-сывҳәа зҿаадырхаз
ахқәа. Ан лгәы ҩҭыԥсааит. Ҳамҭакы дымқәацаӡо ус давагылан.
Даара ршыкьбжьы гоит наҟтәирахь. Иԥсы ҭоушь лыҷкәын?
«Ҳаӷеиҭа, дыршьхьазаргьы! Иԥсра аҩны иааигарызма? Хшара диоуит. Абаӷыр ацкы анилак иара ԥсуеит ҳәа акы рҳәоит
еиԥш, иҟаларызеишь?»
Еилоуп ҟама ҭыхла, изыдҳалаз аандагьы аҟәыҿҿы аахгеит.
Шардын ҵәҩанк аалҳәаны дрылагьежьаауан, егьырҭ – ҟама
еиӷырҳәаран, ашьаҟыӡыҟы каҭәон.

– Џьгәаҭ, Кадыр, Алиас, шәышьҭыбжь саҳаӡом, шәабаҟоу,
абааԥс?! – ибжьы ҩрылҟьеит Акьахьба. Аҭак иаҳауам.
Нахьхьи, Алықьсандр иҩызцәеи иареи ахьиоу иаақәацар
ҟалаӡом, аҟәақ аарыхгоит, ахы нарӡывасуеит, аԥша нарыннадоит, анышә хәыҷык ҩыҵнарԥоит.
«Аахьхьи – иԥсыда-инхада ҳәа џьоукы еибаҟәаҟәоит.
Арахь, акәасқьа аҵаҟантә аӡәы дкылатәаны ҳара дҳаихсуеит,
цәгьа икылкааны дхысуеит, иара иакәзар ҟалап. Измааноузеи,
имацара иоуп иҟоу имҳәази Шьрыф?» – уамашәа ибаны, ихы
шьҭацаланы дхәыцуеит Алықьсандр.
Аӷәиҵибжьы алашьцара иалыҩуан акәымзар, иԥсыз, инхаз
ҳәа уаҩы акгьы издыруамызт.
Маҷӡак иааиқәтәеит, иааҭынчрахеит. Убысҟан ауп, улым­
ҳақәа ҵырхуа аҟынӡа алашбыжьқәа уаҳауа ианалага.
– Шьҭа аҽқәа рахь, аҽқәа! – арҵәаа ҩҭиргеит Ҳаџьараҭ.
Аха иноугода аҽқәа рахь, уаҩ дибаӡомеи! Ус, напышьашәала
иҩызцәа дрышьҭалеит. Раҳаима аҵыхәтәантәи лпатрона
ҭырҟьаны, лҭаацәа рахь дхалеит. Урҭ еилаӡыӡо еилан, асаби ибжьы аҵх иалыхәхәа арҵәаа ҩҭиргон, иаб дицхраарц
деихозшәа.
– Шәымшәан, абааԥс, шәымшәан, лыԥхала ҳаилгазар
ҳәоуп! – иаалыршәыкьуан лҭаацәа Раҳаима.
Ҳаџьараҭ ибжьы заҳаз Алықьсандр азаара изааны дҩаҵ­
ҟьан, истражникцәа иманы хаха ддәықәлеит.
Ашьаҟәадабаа згәыдшылаз Шардын, Ҳаџьараҭ имахцә
нҭарс дааирхыџхыџит, уласы, ҳашьҭахьҟа иаауеит ҳәа. Аԥ­
сыкоуп Ҳаџьараҭ иааигхаз, иҩыза иҟама лаиӷриҳәарц. «Аа са
соуп, абааԥс, сара!» – иҳәеит егьи.
Иабаҟоу егьырҭ?!
– Инхаз ыҟоуп, ари еибашьроуп? Никәала, Алиас шәабаҟоу?
Аҽқәа рахь – игон Шардын ибжьы.
Ҩада абна мҩахәасҭала апҟарапҟараҳәа аҽышьҭыбжьқәа
гон, есааира ихарахо.
Ари збаз Алықьсандр ахагара изааит, аҟәҟәаҳәа дрышькла­
хысуа дрышьҭалеит, аха урҭ уажәы абнара иахьчон.
Ҳаџьараҭ итапанча ҩҭиган аҵықь-аҵықьҳәа ҩынтә ишь­
ҭахь­­ҟа ажәҩан ахқәа ҩалирпыҟҟеит.

«Ҳаит, уан дукәыхшааит», – лҳәеит уи злымҳа иҭасыз иангьы.
Ишарккон. Алықьсандри инхаз астражникцәеи ацәашьы
аркны аԥсцәа ирхан, еилдыргон.
Акьахьбеи иҩызцәеи – Никәалеи, Алиаси, Шардыни
Џьныш-икәара шыҟаз илеиуан егьԥсымкәа егьбзамкәа, ҟытԥсыт рыхәлымшәо.
– Ирласҵәҟьаны анхацәа ахақәиҭра раҳҭеит, иӡбаны
ишьҭаҳамхызи уаха! – аҭынчра ааилеигеит Ҳаџьараҭ.
– Абас ишԥаҟалеи?! Ҳаннеиуаз уаҩ дыҟаӡамызт, ҳан­
дәылҵуаз…Измааноузеи абри?! Шьрыф иакәзар, амҩа ккаӡа
иҭацәуп ҳәа ҳаиҳәеит, акымзарак сзеилкаауам?! – Шардын
иахиҳәаара издыруамызт. Амаҵә-чымаҵәқәа инарыхо-аары­
хо, еишьҭагыланы абнара илгаз амҩахәасҭа ианыланы ицон.
– Сара сакәзаргьы убасҵәҟьакәын сышныҟәоз. Аиашаҵә­­ҟьа
ҟарҵеит дара. Ҳаннеиуаз ҳгәаҳҽанны ҳшыҟаз рдыруан, рыԥсы
ӡаны, ишьхныԥсыланы итәан. Мамзар иааҳалаҳар, шьҭахьҟа
ҳлаҵҟьан ҳаҩуан. Игаӡаӡам. Иара Шьрыф дышԥабжьысрыз
дырбазаргьы изилакьысрызи, илырхи? Даара ҟәышрыла ины­
ҟәеит. Гәырҭынчла аҩныҟа ҳнарышьҭит. Алықьсандр дҟәышџьбароуп, арахь иҭоубагьы ыҟагәышьоуп, сарӷьа жәҩа ҿих­
роуп иашьа Омар инышәынҭра агәы ақәҵаразы. Амала,
раԥ­хьа ибжьы саҳаит ауп нас дныҵаба дахьца сыздыруам,
ҳхы­кәалаақәа акы игәаҵаӷара иҵашәазаргьы ҳаздыруам, –
луанытә даақәыԥсычҳаит Ҳаџьараҭ.
– Сара уаала ҳәа санухоз, иҭрысны иаауаз астражникцәа
драԥхьагылан, дзаҳхьымӡеит умҳәозар. Амала, убысҟан иаа­
ҳахьӡазҭгьы Фаф иабаз еиԥш акгьы иалаҳәаӡамкәа ҳаргьы
ҳҭадырхон. Ҳҩызцәа рыцҳақәа… Шардынгьы ахәхәаҳәа даа­
қәыԥсычҳаит.
– Ааи, уа суқәшаҳаҭуп, Шардын. Урҭ ԥыҭҩык ыҟан, ҳры­
хәаҵәҟьомызт, наиаҭеикит Никәала.
– Џьгәаҭ рыцҳа дҳампыҵыршьааит, егьырҭ ҳҩызцәа рҭа­
хашьа ҳәа акгьы сымбеит. Алашьцараҿы ҳаилагьежьуа ҳаи­
ламзи. Убысҟан хҩыкҟа астражникцәа сықәпапаны сыркын,
слышьҭаргәоны еиԥш, иара ҳгәеиҭазаарын: «Аа, алақәа, абар

ара иахьыҟоу! – иҳәан, даакылҟьеит. Хыхьӡа исықәтәаз ижә­
ҩашәаҟьа илалеикшеит ашьа зҿашәы иикыз аҟама, уи ҟыт
ааизымҳәеит. Дылсхыҩрны агәыз аашьҭиргеит. Нас саргьы сҽааршәшәаны сҩагылан, ҳаибакит. Сара уа исылшаз
акгьыҟам, Џьгәаҭ аҩыџьагьы ихәит. Нас ҳнаҭрысуаны еиԥш
ауп, «аа, сара хәаша, сыршьит»! – шиҳәаз. Ишьҭахьала аԥса
аӡәы илеиҵеит, дгьежьынгьы дыҩт. Ихьысыгӡеит стапанча,
аха убригьы иахьахәҭаз иақәымшәеит ҳәа сыҟоуп, икаҳашьа
сгәамԥхеит, – Ҳаџьараҭ игәы ҭшьаауа дигәалаиршәон иҩыза.
Ее-и, ҳҩызцәа рыцҳақәа, шәыԥсы ахьнеира сыԥсы неиааит, шәыгәнаҳа сзымгааит, сымшала шәшԥаҭахеи! – дуазыруан
дахьынатәаз Ҳаџьараҭ.
– Умшала акәӡам, жәлар ирыхәо аҟаҵара амҩа ҳшаныз
ауп ишыҟала! – игәы ирҭынчуан Никәала. Уи шьақәирӷәӷәон
Шардын.
– Ааи, ус акә, егьыс акә, џьоукы раџьал цәгьахеит, рҭаацәагьы
еибакәеибаха илатәеит.
– Аҳы, Ажәеиԥшьцырҟьа уоума аҳәсақәа реиԥш згәы
ԥшаауа? Иаразнакала зегьы ҟалом-тәа! Макьана ҳаԥхьаҟа
аамҭа акрыҟоуп, уажәоуп ари аус ҳаналага! – Никәала дыб­
жьаҟазон.
– Уажәоуп ҳаналага, аха ҳалагашьа зеиԥшроу ауп иуҳәаша!
– иҽизеиқәкуамызт Ҳаџьараҭ.
– Алиас ҿымҭ-ԥсымшьа дырзыӡырҩуа дрышьҭагыланы
днеиуан. Даара ихы имагәыхьха дыҟан. Иџьеишьон ргәыр­
ҽанӡамкәа «Ақәыџьмақәа» иахьрылашәаз. «Изакәызеи, чар­
ҳәа­ра ыҟоума ара? Ишԥарцәыӡи рҩызцәа бзиақәа…» – игәа­
хәуан.
– Жәаха уара уҟны саныҟаз, – Ҳаџьараҭ ишьҭахьҟала
Шар­дын иахь даахьаԥшит, аӡә иаҵкыс аӡә деиҵаны , ухшара
еилаҩҩы, иҟәбаҟәшәо, ихәмаруа агәарԥ иқәыз уажәы-уажәы
гәаныла сылаԥш иааҵашәоит. Ирыԥсыхәоузеи, иаҳҳәап, уара
акы ааухьыр? Ран лымацара урҭ лызныҟәгару, аҭаҳмадцәагьы
надкыланы?
Иаргьы ҳаргьы ҳамҩа харамхар ҟалап ҳалагашьа зеиԥшроу
ала. Аԥсра ацәшәара акәым ари иаанаго, имхәыцӡакәа акы

иалаган иахькылнагаз жәбоу, рҳәап ауаа. Убри ауп аԥсра аи­
ҭаԥсра.
Ус еицәажәо Џьныш-икәара илҭалеит. Аҳауа хьанҭаӡа,
ашыцламшә цәаакыра ҭашьшьы иҟан ари акәара. Аԥшәма­
ԥҳәыс бааԥс ллакыҵа еиԥш, иҵшәааӡа ауп еснагь ишыҟоу. Ҽын­
лагьы амра ашәахәақәа ара изҭаԥхаӡом, џьныш ҭыԥҵәҟьоуп,
анаџьалбеит!
Бгалаџк ааигәа лаҵас иууеит. Аҽышьҭыбжьқәа ирыцәшәаз
тыҩарҩарқәак балыбаҭо иниаҟьа-ааиаҟьеит. Урҭ азмырхакәа,
ӷәи-ҵибыжьқәак цәыршәагаха ари аџьаҳаным иҭыҩуеит.
Аҵла амахәқәеи аҟармақәеи еихәыдхаԥаны, амҩахәасҭа
иаҵгоу иахажьын.
Шьҭа ажәҩан еимыггон, абгассақәа ааилаӷызит.
Абар, иааҽԥынгылеит Џьныш-икәара. Араԥ ахы ҩышьҭна­
кәыцәаан «хә-р-р» аргеит, иадырсызшәа иџыхӡагь уа иаангылеит.
– Шәаанҿас! Арагьы ҳамҩа кымзааит! – ахьышәҭҳәа даа­
хьаҳәит Ҳаџьараҭ.
– Иҟалеи, баша акы иацәшәазаап! – иҳәеит Шардын.
– Аа, шьҭахьҟа, нахьхьи џьоукы рцәаара збеит! – иҽы аӷәра
ааҿеикит аблаҵарраҟны аԥсаа ирыцназгоз Никәала.
– Бгахәыҷык ҳаршәазаргьы, ԥсроуп! – иҳәан, Алиас даа­
нымгылаӡакәа днарывсын, ԥхьаҟа иҿынеихеит. Убри ина­
қәырццак Џьныш-икәара аԥырӷы рацәа ҭҟьеит, Алиас рыц­ҳа­
гьы иҽы днахууааит. Иааикәагьежьын, хысра ҳәа акгьы рзы­
ҟамҵаӡакәа шьҭахьҟа иҵҟьеит.
Аҟәҟәаҳәа ишрышьҭахысуаз мацара абнеиқәара инылаӡ
ицаӡеит. Ҳаџьараҭ ишьамхы иҩахыкны иуаҭәа аацаҳәцаҳәеит,
ашьа ҟәандаӡа илеиуаз ишьыгрын еимаақәа ирҭашуан.
Иҿыхаз абнара еиқәышьшьы иааиқәтәахт. Уахантәарак
игәыҩ-ҿыҩыз алақәа еиҭаналагахт ашра. «Кьу» аргеит абна­
хылаԥшыҩгьы, шьҭа шеит, лыԥхала ҳаилгеит, аҳәазшәа.
Аҽцәа абнара иҩылсын, ҩадахьы, Ҳәатын-иԥа иџьра
иҵашьшьы ргәы иахаԥжәо иҩеиуан. Ари змааноузеи, закәытә
џьнышроузеи!
Ацгәы икьиуа аҵкыс имкьиуа еицәоуп ҳәа шырҳәо иҟа­
лазар? Шьрыф акы рзиузар? Анцәа идырп…

Еимпит иаанхаз аҩызцәа. Никәалеи Шардыни ргәы ҭашьны,
бнала рыҩныҟақәа рахь ицеит.
***
Инҭакәкәа ицеит шықәсык. Абар, шьҭа мчыбжьык ҵуеит
Ҳаџьараҭ аӡмыжь ԥсыӡеиԥш дзаҵәӡа, абра, Аӡаԥшь-иԥа аҭар­
чеи ахьицәигаз Уазаџьра абнараҿы дыԥхьоижьҭеи. Ҽырҵысы
ҟаиҵар ауам, даара ишәарҭахеит. Иахьабалак ицәырҵуа иалагеит астражникцәа. Дарбанзаалакгьы аӡәгьы игәра ргом.
Уахгьы-ҽынгьы аимдара иаҿуп.
Ацәгьаҳәацәа шыҟаларыз, ирҳәаша анырба. Ҳаџьараҭ
зыгәра игара диздыруам. Акыр игәы каҳаны дыҟоуп.
Гәымсҭа аӡиас ҩ-бахәык иахьылрыбжьҟьо арымарахьтәи
аԥшаҳәала, ԥыҭк аӡы иҩацәхыкны, дәҳәыԥш иаҵәа хәыҷык
хыгьыжьааӡа иубоит. Убри ааигәара, анаара иаҿагылоу аџь
ӷаӷа амҵан иқақаӡа иҩагылаз аҳаскьын далақьшәа иқә­
саауа иқәын Араԥ. Уи ҷапырхәала ишьаҳан. Ариабжьа­рак
аныҟәара иаркараз аҽ рыцҳа калаӡа иҟан. Аџьра амахә­қәа
инаркылкәрааны амра ашәахәақәа Араԥ агәчама ианықә­
ԥсалак, рацәаххыроушәа иуҿаҷҷон. Аҵыхәа наҟьа-ааҟьон.
Аԥыжә-ԥыжәҳәа. Иааизыҳәҳәа-ааизыҳәҳәаны аҳаскьын аҿы
илҭагәаны, ахы ҩышьҭых, аӷәырџ-ӷәырџҳәа ацламҳәашьҭыбжь
гауан. Нас иаанаԥшы-ааԥшны, ҩаԥхьа ахы шьҭацаланы аҳас­
кьын «архра» иналагон.
Абри аџьажә ашьапаны адгьыл иалыҳәҳәоз адац дуқәа
рҟны, икәадыр ихчынҵаны, иҽыртаӷа диан Ҳаџьараҭ. Аԥша
ахәхәаҳәа исуан, тәамҩахә змауз ари арԥыс. Ихитыз ишьацә­
кьарақәа леивига-ҩеивигоит.
Шьыри, абыржәы наҟтәирахь ивҩыр ицо аӡыхь маҟҿаҳәара
далагыланы, иҽынеиҵыхны иҽиӡәӡәар, нас гәата-бӷата уа
аԥшаҳәаҿы длатәаны иԥсы ишьар – насыԥымзи, аха иабаҟоу?!
Уаҩы иитәӡам аԥсабарагьы дахыбаауп иахьа.
Ибардан шәақь еиҵаԥаххаа, иарӷьарахь ала аџь ашьапы
иадгылоуп. Итапанча хыршаны игәы иқәуп. Дыцәаӡамызт
Акьахь­ба ҷкәын, ас аҽнышьыбжьон ацәара азин имаӡам!

Ус, Араԥ ацламҳәашьҭыбжь игәарԥханы дазыӡырҩуан.
Дқәыԥсычҳауан, дгәырҩон, ауаҩы дизыгәырҩон. Аџь быӷьқәа
дрылԥшны, икәамҟьа-кәамҟьаны ажәҩан иаҵәа даҵаԥшуан:
«Иҟоузеи, мшәан, абри ажәҩан анаҩс? Изакәи иара ажәҩан
ҳәа иҟоу? Ажәҩан саркьа ааԥҽны наҟ ухы нкылухыр иубои?
Ари адунеиажә иаҩнаххьоу ауаа зегьы уа иҟазар? Уахь акәзар
аԥсы ыҟоуп ахьырҳәо? Ус анакәха, Омаргьы уа дыҟоуп, уажәы.
Уа иҟоуп рыцҳа Џьгәаҭ, Кадыр, Алиас уҳәа ҳҩызцәа. Ааи,
иԥшахьырсуа, уахь аџьанаҭ баҳча инеиааиуа иҵоуп».
Иаасымпыҵанҵәеит сҩызцәа. Иеҭымха илатәеит рҭаацәа­
рақәа.
Џьанаҭ гыларҭас ироуааит, рыцҳа, аамҭала уахь саннеиуа ҳаиқәшәагәышьааит. Нас сагьааҭынчхоит, саӷацәагьы
ааиқәтәоит, зыԥсыԥ аурыжьыз ампышҭа еиԥш. Усҟан уаҩы
сиҭахӡам. «Уахь» уаҩы ииҭаху зегьы ыҟазаап азы амҩа иқәло
акгьы игаӡом. Насгьы «уахь» даара ибзиазаап азы аӡәгьы арахь
дгьежьӡом. Ицәеи-ижьи ӡыҭуеит ауаҩы данԥслак, ибаҩқәа
ҟәашӡа аамҭа иагәылнаршәоит. Акраамҭа ус иҟоуп, аха нас?
Аамҭа атәы ҟанаҵоит нас. Урҭ абаҩ ҟәашқәагьы шылашәа
ихәашхәаша ицап. Убри аҭыԥан ҵла хәыҷык гәылҵыр ҟалоит.
Уи азҳауа аҿынанахоит. Аҵар неины инықәтәаны ашәа ҿыцқәа
аԥҵара иалагоит, уа амахәқәа ирылаԥхьоит, рыҭра ҟарҵоит.
Амра аҽацәыхьчаразы шьабсҭак ааины ари аҵла ашәшьы­
ра иааҵагылоит. Аҽнаднашьылоит-аҽааднашьылоит. Инамҵа­
тәар­гьы ҟалап, маҷӡак адамхаргьы аԥсы ааиҭанакрацы.
Абасоуп, ауаҩы дымԥсӡеит. Абар уи ихылҵыз аԥсабара
ссир!
Абри аԥсабара дануп Кәырк Ҳасангьы. Кәармак иадамхаргьы ауаҩытәыҩса ишьа илазар, шахала иҽынкнеиҳар
изеиӷьын… аха уи зылшо дхазуп.
Адунеиажә… Адгьыл ҳагәылҵит, ҳазҳаит, нас ҳаамҵарс иара
ҳагоит, зынӡак ахаан адунеи ҳаақәӡамызшәа ҳаҵәахуеит.
Алиас рыцҳа. Иҽы данынахҟьа, дааӷызит, аа, схәыҷқәа
анасыԥдақәа ҳәа. Ихәыҷқәа дырхибааит аԥсцәаҳа ҟадыџь.
Згәы иаанагодаз Џьныш-икәара Алиас иаџьал алоуп ҳәа.
Иара сара стәы ахьыҟалаша анцәа идырп. Саргьы сабхеит.

Ԥа дсоуит, аха сԥа дысдырбомеи, махәи-ҵыси еиқәызмыртәо
астражникцәа. Абар, уажәы хынтәуп саауеижьҭеи аҩныҟа,
снарышьҭуам. Ардашьыл – схаҭаԥсаҭа…
Амра шеишеиуа аџьажә ду илахагьежьын, лада ахы археит. Аҵыхәтәантәи ашәахәақәа Ҳаџьараҭ иқәԥхон, угәырҩақәа
абжак ҳара иҳаҭ, ҳуцгәырҩалоит ҳәа рҳәозшәа. «Уаргьы
уҿымцәааӡакәа, ажәҩан уаҵагьежьаауеижьҭеи иҵӡозеи, ана­
џьалбеит, иааулшози, иараби! Закәытә мчузеи иумоу! Иан­
быкәхаришь умч улӡааны, уҿыблааны агәараҳәа адгьыл уа­
нықәҳауа! Каамеҭ мшаҽнеиԥш акәхап!
Адунеи зегь леихашәы ицоит усҟан! Иҳаӷоу дызхаанхаша…»
Еилыблаа-еилыблаа ицоз амра дазыԥшуан Ҳаџьараҭ. Ах,
абыржәы ҿахрабжак адамхаргьы, бысҭахьшәашәак џьык­
ҵәаҵәак нақәшьыхааны, ҵәыцак азна аӡи. Абар, хымш иры­
қәуп аҿаҵа лбааимдеижьҭеи. Ма ҭаҭын бӷьыцк иадамхаргьы,
амра инцәҵаны иаарҩаны, иаарҟәыҷны. Изыӡбыда абри аҭа­
ҭын ҩысҭаа?
Аӡлагарахьча алу анаангылалак дааԥшуеит шырҳәо еиԥш,
Ҳаџьараҭ аҭҳарцәҳәа ихәыцрақәа даарылҵит, ахыргә-хыр­
гәҳәа зыцламҳәашьҭыбжь гоз Араԥ анааҭынчха. Уи уажәы ахы
шьҭкәыцәааны, алымҳацәқәа кьацә-кьацәӡа иргыланы, алада
аџьра еилаԥарахь иԥшуан. Аамҭала, алымҳацәқәа леивнахҩеивнахуан. Аԥшәма иахьгьы иаахьаԥшуан.
Ҩыџьа астражникцәа хәыц-хәыц еимдо абна иахьылаз
аҽы рылаԥш иҵашәазаарын, убас рыҽӡаны иаауан, ацгәы ус
аҳәынаԥ иазнеирым. Араԥ ишабаз ангәарҭа, џь-дук ашьапы
инаваӡ ицеит.
Ргәы адақәа еибархханы, акраамҭа рҽеидыԥсаланы уа иаважьын. Нас маҷӡак рыхқәа ҩышьҭых ишынаԥшуаз, рылаԥш
наиқәшәеит, иӡыҩӡа игылаз Араԥ аҟазшьақәа игәамԥхакәа
иазԥшуаз Ҳаџьараҭ. Инеибархәыҭхәыҭит. Издыруада, ԥшьаала
игьежьны ицаны рҩызцәа ираҳәаны иааргар еиӷьзар? Аха
усҟан Ҳаџьараҭ ихы азы иазоужьу ахьы иалыхәдаахоит, ус
иаԥсам. Уажәы дара ибарҭаӡам. Изыцәшәои? Иҵегь маҷ-маҷ
инаҳәазаны, аҵлақәа рыҽрываӡо изааигәахап. Нас, ҩыџьа

ахацәа рабџьарқәа лаиқәкны аҟәҟәаҳәа илеигәыдырҵар –
иааилгоит, уаҳа изакәи? Адунеигьы иахыҵәап рыхьӡ-рыԥша!
Рыгәқәа ааибарӷәӷәеит! Изылшада абри еиԥш иҟаз ахаҵа
ишьра анырҳәалак, абарҭ роуп, рҳәалап, рҟәаҟәа иқәу ачынқәа
иҵегь иааӷьазӷьазп, рџьыбақәагьы ааҭҭәаап.
Знык амра ҭашәандаз, аҵых неигәандаз. Нас амза ҭашәон,
усгьы ҵхагәазы инижьроуп шәиԥхьыӡ згымхаша Уазаџьра
аҳабла. Ааи, дыԥсы-дынха ара дықәҵроуп, мамзар, амла
дыгә­шәаны дыԥсуеит, аҩныҟа неишьа имоуит, Кубец иҟны ум­
ҩахыҵып ҳәа уҟоу, акруҿаҵаны, нас чарҳәара узиуеит.
Ари аџьраҟны иахьабалак амҩақәа рызкрым,алашьцараҟны
Араԥ уаҩ дахәарҭам, тҵас абла ҵаруп.
Нас днеип Алиас рыцҳа иҭаацәа рҟны, ибап ишыҟоу, Кәбец
ихьы маҷк аахыхны ириҭап, хәыҷык рыԥсы ааивнагап. «Алиас рыцҳа дласықәыӡ дышԥаца! Ех, ҿаҵа хәыҷқәак ыфаны
иҟазаалак, аҭаҭын хҵәахак аҽыцқьа иаԥсан абыржәы… Аҩсҭаа
ичысхәхааит аҭаҭын!»
«Хәр-р-р» аргеит Араԥ. Нас аԥшәма иахь иаахьаԥшын,
иаақәырқәырт. Ҳаџьараҭ дызҵаиаз аџьажә ду днавҵапҟеит.
Ибардан тапанча ааирхиеит.
… Уажәгьы иқәырқәыруан Араԥ, ашьхәа иқәгьежьаауан.
Ҳа­џьараҭ астражникцәа аӡәаӡәала изқәа иқәҵаны аџь
амҵан иааганы иааивеиҵеит. Длархатәан ҭынч еиқәикит.
Рыԥ­шра-рсахьа, арԥарцәа заманақәа. Ашьаҟәадабаа ргәыд­
шы­ла дахьрыхәаԥшуаз, игәы аамаҷхарц аԥсык ауп игхаз.
«Шәыгәнаҳа шәсышьҭазҵаз ирымазааит? Шәсымшьыр, са
сышә­шьуан!»
Рџьыбақәа ааимидеит. Аԥсцәа шимҵазгьы маҷк ихы-иҿы
аалашеит – руаӡәы иџьыба ҭаҭын хәыҷык ҭаԥсан. Ацигар бӷьыц
инылаҳәаны, иара уаҵәҟьа амца нацраирсит. Даҿыгәҳәааны
дахеит. Иԥсгьы ааилыққеит. имч аакәадахеит.
Ара ахысбыжьқәа рганы, шьҭа ахәлара дазыԥшуа егьиуа,
аамҭа изҭодаз! Иҽы ааикәадырын, уаҩы излеиҿахарсҭаӡамыз
ала, аџьра, анаара дҩаҿалеит. Уахазны Алиас рыцҳа иҭаацәара
рҟынӡа дышԥамнаӡара. Иарԥарцәа қәыԥшқәа, рыцҳа…
Акыр гәаҩеи ахәадарақәеи дырхысхьан еиԥш, иҽы аны­­
ҟәашәа акалашәа ибо далагеит. Арибжьарак былды аир­ҳәа­

хьеит, игылт рыцҳа Араԥ. Маҷк аԥсы аршьатәуп. Дыл­ҽыжәҵит
ӡыҷҷак ааигәара. Амгәырхақәа ааиркәадеит. Ашь­ҭахь­тәи
ашьапы аҟәартәра иҩахыкны ашьандырӡаа аҟәада ахьшын.
Напыԥшқала иааишьышьит, ада иаԥырхагамхеит астражник
ихыкәалаа. «Макьана ҳабаҟоу, ари ҳалагамҭоуп, ҳалгашьа
зеиԥ­шрахо ауп аус. Умшәан с-Раԥ гәеицамк, уажәыҵәҟьа
сара усхәышәтәуеит». Ахахәда аҟьаҟьара ааишьышьит, ир­лах­
ҿыхырц ахаҿгьы инапы нахьишь-аахьишьит, аха иара аҵы­
хәагьы амырқәацеит, ахгьы ҩышьҭнамхит, игәырҩон ахьаа
аман.
Гәымсҭа иацрыҵны иаауаз ари аӡыҷҷа илӡааиргылеит.
Шьамхахьы иазнеит. Инапқәа ргәаҩаны иааҭго изхара аӡыхь
ижәит. Џьныш-икәара акәмызт ари, ара ус ишәарҭам.
Аҽы ашьапы ахәра цқьа иҿыӡәӡәааны ирбеит, амелҳам аҿеи­
ҵеит. Хәрыбӷьыцкгьы хыхь инақәҵаны еиқәырхха иҿеи­ҳәеит.
Маҷк иааӡыӡымкит. «Аҳы, ичҳа абааԥс, макьана уаба­ҟоу!»
Нас икәабеит. Ашәах иақәчызи, аԥхӡи, ашьаӡеи, иахьали­
ҳәаз, аӡы ырхәашьуа еиларҩынтуа ицеит алада.
– Иаргьы ласкәантраӡа аӡы ианааҭига, ахыргә-хыргәҳәа
акрыфара иналагеит.
Ҳаџьараҭ дырҩегьых ӡык днаҿыхәан, акәадыр ихы ина­
ҵаҵаны адгьыл аӡа днықәиеит, аҩада игәы рханы. Уи алашьцара дазыԥшын. Арахь акыр ихтыран. «Шьҭа, нан, уара ҩызцәа
гәакьацәас иумоу – алашьцареи, аҽи, уабџьари роуп!» –
игәалашәон иан лажәақәа.
«Абас сыбнакны сабанӡадәықәзаауа? Шаҟаҩы абас абна
илада? Чыгбагьы дабрагьҩын, аха иҽриҭеит – дкылсит, нас
иҩызцәа рыҭира далагеит. Афуҟаражә иара! Абрагьцәа-раб­
рагь Ачыгба соуп, акы умшәан, Ҳаџьараҭ, уҽсыҭ! – ҳәа сықә­
ҿиҭуан. Закәытә бзиара дузеишь исзиуз? Сыҽисҭон, нас иара
наҟ сриҭон, дсылахәҳахәҭуан. Сзиҭоз рнапы сыкәыршаны,
уаҳзырбаз анцәа иџьшьоуп ҳәа сдыркьаҭарын! Уаб ихы ӡны
иуфааит! Шаҟа ухы умхабзиоузеи, ус ухаҵаӷәӷәазҭгьы ар уманы усыкәшарымызт! Аԥсра игәыҵашәандаз Кәбецажә иҷкәын
Фаси, рчеиџьыка сҿаҵаны исдырӡәарц иаҿымзи. Ачеиџьыка
мчы амазар рхы аҟәақҳәа иасааит, сара уи саӷрамгылеит!»

Амза ҭашәеит шьҭа. Ԥшьаала, аҽы аҳаҭыр баны дцалап,
имҩагьы макьана акыр бжьоуп. Иахьуеит рыцҳа ашьапы,
аҳаиуан зцәажәом, аха. Абар шьҭа Еҵәаџьаа ажәҩан агәы
иазҩеит, ихышәҭит урҭ. Абар Шарԥыеҵәа шеишеиуа иахьцәыр­
ҵыз.
Ахыгәҳәа Алиас рыцҳа игәашә днадгылеит. Агәашә аартыха имаӡакәа, аԥшәмаԥҳәыс Машьа рыцҳа лыбжьы ашәы
ахьыхәхәа иаагеит:
– Схәыҷқәа рыгәнаҳа хара иузымгааит,ҳжьира мчы амазар
уеикәанарҵәиааит, сара абас ахымхәацәа зааӡо исылакьысуа!
Хҿыхшьа умоуа Дыдрыԥшь ныха уакааит!
Иара иакәхап арҭ ажәа «хаақәа» зызку.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 08
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2390
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3456
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3422
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2379
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2445
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2332
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3415
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3389
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2415
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3458
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2393
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2392
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3433
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2439
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3388
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2365
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3451
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2385
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3456
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2380
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3399
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2338
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3467
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2403
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3468
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3548
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3499
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2299
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3500
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 1205
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 841
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.