Latin

Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 06

Süzlärneñ gomumi sanı 3423
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
иахьышәҭыз, убри ашәҭ фҩы лаҳалаҳа днеиҽырбарц, днеи­
хырхәарц азоуп уаха ара зиршауа. Дук ихарамкәа ахьхьахьхьаҳәа ицәажәо ӡыҷҷа хәыҷык ашьҭыбжь гоит. Хымԥада
шьха-ӡыхьуп, уи ӡрыжәтәуп. Мамзар, ас аккаҳәа ашәа аҳәа­
ӡомызт, ус еишьылӡа игаӡа-ҳәаӡаӡа иҟоу – иҟаму уаҩы изымдыруа ицон. Иҟалап, абри аӡыҷҷа хәыҷы акәзаргьы абри аҩн
хәыҷаҟны ипытыз агьылшәҭ зыбзоуроу? Иҟалап…
Иккаӡа иаашеит. Иахак ахьарч зыхгоз амшын ҟьантаз аарла
амра ашәахәақәа нхыԥхалеит. Урҭ зхьысыз ацәқәырԥа ссақәа
ааилыџьџьаан, еилаӡыҭит. Ԥсыӡқәак цырцыруа, аҵәыртсыртҳәа иналԥа-налԥан, ҩаԥхьа уахь инхәыҵаҵәрит.

Аҷараҳәа, уа иҽԥынгылаз, аҩн хәыҷы ашә аатит шарԥазӡа.
Ибыбышӡа ипытыз шәҭҵас даадәылҵит гәыгәымк кны ԥҳәыз­
бак. Дышиашаз, ишәаҳәоз аӡыҷҷахь лҿыналхеит. Уи маахырбла Гәында Андыба лакәын. Шьабсҭашәа дкалаӡа длеиуан лара,
дәы-какаҷла иқәҵаз лыҵкы даҵаҽырбо.
Иааидхалеит маҷк Акьахьбеи лареи. Аҟармаҵарақәа зегьы
абра иааизаны, иаарыкәыршаны ашәа рҳәон, ирҳәацыԥхьаӡа
шәҭышла ихҟьон аԥсабара. Аеҵәақәа еихаԥса-еихаԥса, иҭеис­
ԥыҳәны Гәында лыпҟа-хәда иахаџьџьаауа иакәыршан.
Ԥыҭрак ашьҭахь ахьтәы саан ианԥсало ахьцырақәа акыр­
кырҳәа ишыччо еиԥш, Гәында лыччабжь аагеит. Лнацәа ҭхәаа
иахалаз ахьтәы мацәаз лҿаҷҷо, лгәыгәым ӡыхьла ирҭәны,
дышь­ҭыԥраа аҳауа далаланы аҩныҟа дгьежьуан.
Хҭарԥа-шкәакәа иакәзар, и-Араԥ иҵакәашо, ихылԥа аҵыс
ҭаҳәуа абнаршәыра илгаз ҷапырхәак иаҟараз амҩахәасҭа
кәараҵа ианыршәланы Анҷа-ҭаларҭахь дцон.
Гәында лыҩны ааигәара данааи, лмацәаз лнацәа иаахԥааны,
ачабра ԥшқа инылаџьгәа, днаханы лыкәа инҭаҵаны, лыбҩатә
гәыгәым лыманы аҩныҟа длеит.
***
Ҽаҩраҭагалара анҵәамҭаз акәын. Ҿбаарҭа ашьха ӡиаск
аԥшаҳәаҿы аҟәара иқәтәан Ҳаџьараҭ, Никәала, Шардын
Ҳаџьараҭ иҵыкка иҟаз ашьхарахь дыԥшуан. Ус, ԥшьаала
иаацәыригеит:
Лыхьыӡ-лыԥша мра каԥхаран,
Манча ахаҵа дбахәаԥшьны,
Ҵабал шыҟоу днеиҿаԥхеит,
Аҵыхәтәаны дигәаԥхеит,
Хьыӡла-ԥшала игәы лызцеит.
Лашҭаҟынӡа снаӡап – иҳәеит,
Абла ҭыԥха дызбап – иҳәеит,
Дсынасыԥзар дызгап – иҳәеит.
Иҽыхәа иаҵәа ааҭигахит,
Езгьегь кәадыр нақәиҵахит…

Нас Никәала иҩыза иааимидеит:
Ԥшькьаҿ-иԥа Манча ахаҵа,
Ииҳәаз неигӡар акәын,
Дызкыз дицәцар акәын,
Иаӷаз дишьыр акәын.

Шардынгьы баша даутәахыз, инациҵеит:
Абыжьҩеишьцәа раҳәшьа заҵәы,
Баалоу-ԥҳа Мадина,
Абжь-кәасқьак рықәцәаҿы,
Дықәыртәаны дныҟәыргон,
Быҩлашала ддырчон.
Нышә-хьшәашәа лшьапы амбацызт,
Гәацәыхьажәа лмаҳацызт.
Мрада дыԥхон,
Мзада дкаҷҷон.

Ашыцламшә иҵашьшь, ахьыр-хьырҳәа илеиуеит ари аӡиас
ццакуа амшын ахь. Аԥашәқәа рыҵаҟа аҵаулараҿы еилбаҳҭӡа,
акан рықәтата иҳәалмышьуеит, инаҭрыс-ааҭрысуеит акалмаҳа­
қәа, џьоукгьы мҵысӡо, иӡыҩ-ӡыҩӡа иадырсызшәа уа иалагылоуп.
Шардын дҩагылан иџьыбақәа ааимидан, ҟәрышьк ицоз
абҩа цырцыруа, амра ашәахәа ахьаҿаҷҷашаз инаскьаганы
инкыдиҵеит, днеиҿаԥшит. Ҳаџьараҭ дмыццакӡакәа инапы
ааи­ҵыхны акылыԥшра далагеит. Ус, аҟәақ ааҭгеит. Аҟәрышь
зҿаршәыз ацаҟьа амца ҩаҿыҵыддит, иаргьы ахьараҳәа ҵаҟа
абӷанҷра инылашәеит. Инеины иҩышьҭыркәыцәааит, агәҭа
кыл­ҵәаӡа иҟан.
– Шьҭа уи бзиоуп, аха иумҳәо иҳауҳәар иуҭаху, ари еинрааланы иуҳәаз иаанагои? – Ҳаџьараҭ днеиҿаԥшит Никәала.
– Ааи, уи уажәыҵәҟьа ишәасҳәоит. Зны зҵаарак сымоуп,
аҭак ҟашәҵа.
– Ҳаԥшуп.

– Санԥсуа жәдыруама? – ихы ҩышьҭых днарҿаԥшит иҩыз­
цәа.
– Ауаҩы иаџьал анааиуа изымдырратәы анцәа дишеит, уи
даара ибзианы иҟаиҵеит, акәымзар, аҿаасҭарақәа ҟалараны
иҟан адунеи аҟны.
– Ус анакәха, маҷк шәаасзыӡырҩы. Санԥсуа шәыздырӡом,
иара саргьы иабаздыргәышьо. Аԥсрақәа зегьы еижәлам…
– Уажәы аԥсра аӡбахә зцәыругеи, Ҳаџьараҭ, ҳамԥсыр ҳәа
ушәоу, абри адунеи иқәу ауаа зегьы ԥсуеит, аха рхаҭыԥан џьоу­
кы гылахуеит. Аԥсра аҵкыс иаиааиз, уи иацәынхаз ҳәа аӡәыр
уаҳахьоума? – Никәала иҩыза уамашәа дбаны днеиҿаԥшит.
– Аиеи, уара уиашоуп, аха шәӡырҩлеи зны, џьара икылызгоит, сажәа ҿахумҵәан…
– Ибзиоуп, ҳӡырҩуеит.
– Саб Ҷыжә рыцҳа дабиԥазаҵәын, сыҵәҩаншьап ҳәа
дзықәгәыӷуаз сара сакәын, аха ишыжәбо уи аҵәҩаншьап каткатуа иалагеит. Зынӡак иҵыҩрны икаҳаанӡа иҵыргәатәуп. Даара акыр схәыцит, сеиҭахәыцит, аха егьа исшәаргьы-исзаргьы
убра сазааиуа салагеит. Уи шәаргьы мап шахышәымҳәаауа
здыруеит.
Шьҭа сажәа ахы ахьцо жәдыруазар акәхап, ани инеимдаааимдо еинрааланы иаҳҳәоз ашәа… Ишәымдыруеи абрагь
итәы? Уи ахызаҵә цаҳәцаҳә ахьизыԥшу издырӡом. Кәыкәым­
дыр­цыԥхьаӡа аԥсцәаҳа дизтәазар ҟалоит. Абыржәы абра
сшәывыршьаар, нас? Иабаҟоу сыҵәҩаншьап?
– Ыы, агызмал, иахьааиго убо ирҵәины, зныкыр ҳара мап
ҳәа уаҳҳәахьоума…
– Уаагыл, уаагыл, Шардын, иҳәала, Ҳаџьараҭ.
– Сара заманалаҵәҟьа издыруеит, даара акыргьы сазхәыц­
хьеит саџьал ааины сшымԥсуа даҽа аамҭакы ансхьымӡа. Уи
иҟалашагьы анцәа дақәиҭуп. Нас, ус анакәха, сыԥсҭазаара зегьы бнала исхызгозар акәхап.
Агәнаҳа ҟасҵозаргьы, ԥҳәыс дааз…
– Ааи, ааи, убри заҟантәы ҳаргьы иуаҳҳәахьеи! Абрагьцәа
абна иланы шаҟаҩы аҳәса ааргахьаны здыруада сара?
– Шәазыразума, нас?

– Нас, мшәан, ҳәарас иаҭахузеи, ҳлышьҭалап ҭыԥҳак, –
ихы-иҿы аалашеит Никәала, иаацирӷзит Шардынгьы.
– Лара дыԥшаауп, Шардынгьы дубахьеит – Ҳаџьараҭ
дааԥы­шәырччан Шардын днеизыԥшит. Рыхҩык уамашәа ибаны еиҿаԥшуан.
– Ааи, ааи, дубахьеит, иџьоумшьаӡан. Лареи уареи шәеи­
дгылан. Дугәаламшәаӡои Ҳәаҭын-иԥа Мамсыр иеиныхраан…
– Ани, амаахырбла, иааҳадыххыланы иудныҳәаланы ицазу?!
– Лхаҭаҵәҟьа лоуп!
– Шаҟа деигәырӷьазеи, рыцҳа, аҭарчеи уара иахьугаз. Ааи,
усҟан дыҳәҵәыҳәыҵәуа дышԥаузыԥшуаз, аԥхьа уаа­уашәа
анылба дгәырӷьацәаны лылаӷырӡқәа аауан. «Ҳаи, уаҳә­шьа
дукәыхшааит, аҭарчеи рылԥаа ишԥаауга!» – лҳәан, днеи­
ҭаԥан, наҟ ауаа дынрылаӡит. Иугәалашәозар, дурбаны сагь­
уазҵааит, уаҳәшьцәа дреиуоума ҳәа. Усҟан уареи сареи цқьа
ҳзеибадырӡомызт…
– Ааи, ааи, исгәалашәоит. Убри амаахырбла ҳәа узҿу лоуп
лара.
– Уара шәарҭ аусқәа ҟаҵаны шәыҟазаап сара акгьы сыз­
дырӡомеи! – иааџьеишьеит Никәала.
– Дҭыԥҳа шьахәуп, аха...
– Изурххои, нас Шардын?
– Мшәан, лара лхи-лҵыхәеи зҳәаз иеиԥш, цқьа дҳаз­
дырӡомеи?
– Уи акыр ҳадхалар ҳәа ушәоу, ҽнак улаҿаххыр еилукаап. Ирымҳәои, ашьҭра бзиа змоу, аҩнаҭа ҭбаа иааӡаз аҭыԥҳа
анасыԥ лоур, аҩнра ныҟәылгоит ҳәа. Аҩнра ҳәа ҳара шьҭа
ҳҭышәынтәаланы нхамҩас иҳауа сыздырцәом, аха… ԥыҭрак
арахь дсымазар, уеизгьы шәыҩнқәа сырхыжәбаауам. Нас длаганы ҳамҭакы аҩны дсыртәап. Усгьы, дук хара имышьҭыкәа,
сҭаацәа хырҵәаны арахь иаазымгар ауам. Уа аҳҭынреи дареи еидынхалашьас ирымоузеи рарбаӷьқәа еиқәҿырҭуа. Ус
лҳәеит сан, ус егьыҟаҳҵароуп, – Ҳаџьараҭ ахәырқьҳәа аҭа­
ҭын ҭыцәааны алҩа ихәлеигалаз ашәшәыҳәа аҳауа цқьа ина­
леиҵеит. Иаргьы надаада ицо аҩада аҿыҩанахеит.

– Ааи, ааи ирцыхцыхтәуп ари аус. Азаҵәра ауаҩы игәы
ԥнаҵәоит. Абна, ашьха, ашәаԥыџьаԥ, аԥсаа, аҽы, абџьар – арҭ
рымацара ауаҩы изхом. Ауаҩы ауаҩы дицзароуп. Ҳарҭ еснагь
уара ҳузҭода, ҳҭаацәароуп, ҳанхароуп-ҳанҵыроуп. Амала,
уахьыҟазаалак ҳалаԥш ухуп, ианаашәарҭахо абарҭ аџьҵлақәа
шеивагылоу еиԥш ныҟ-ааҟ ҳашувагылоу убоит, – Никәалагьы
алҩа ахылббы иикыз иҭаҭын днаҿыхеит, аҵкьыртҳәагьы ганха дынкажьцәеит. Амала, нану лгәанала дкәашон ҳәа, ҳарҭ ара
акы ҳаӡбоит, лара зынӡа ҳашҟа лхы хамзаргьы ҳаздыруам…
– Уигьы ҟалоит, иҟамло акгьыҟаӡам рымҳәои, – иааргыз­
малшәа дааԥышәарччеит Ҳаџьараҭ. – Амала сызхабрагьуа
Аӡаԥшьаа дахьыргәылахаз игәгамзар ҟалап, аха…
– Анасыԥ – насыԥуп, иахьуԥыло уздырӡом. Дыргәылоуп
ҳәа, нас, ҿыцынхара ааигәоуп ианаа, иҟауҵари. Лара мап
ҳцәылымкындаз, уи акгь аурымызт. Лмоурахә мыӡааит лара,
деикәаԥхо, ԥааимбар ҭыԥҳаума уҳәап,– Шардын ҭаца дааигоз­
шәа аҟара даагәырӷьеит.
– Уцоит дара рҟны, Шардын, лымариа уԥыхьашәозар, уаал­
хаҩар дубоит уи, ажәа сызлынҵа, дазыразхозар, иара уаҵәҟьа
аҿҳәара ԥҵәа…
– Ее-и, убаашәт, Ҳаџьараҭхеит. Уажәык ушьҭхысааӡеит, иаҳ­
ҳәеит ҳәа…
– Ааи, ааи, маҷк дыхнаԥааит…
– Аиеи, акәзааит, ишәҳәо саҳауеит.
– Хаала иамур, даҽакгьы ҳдырхуеит. Уапаки алашьцареи,
уаҳа акгьы, амала, узҭахым мчыла дааугар еиҳагьы цәымӷыс
улкып акәымзар, – иҳәеит Никәала.
–Ус егьаџьара иҟалахьеит, хҩы ахацәа абри аус ҳзымыӡбауа
ҳҟалома, сара ари амчыбжь сцоит, – иааҿахиҵәеит Шардын.
– Амала, иӡатәым, уи ларгьы еилылкаауазар акәхап, аха
ҭынч шәкашьшьы нхамҩа шышәмоуа аартны илаҳәатәуп,
абрагь иԥсҭазаара идыру усуп, – нациҵеит Никәала.
– Шәҭахызар, лани лаби нартәаны иҟоу абас ауп ҳәа рас­
ҳәап, – Шардын иҩызцәа днарҿаԥшит.
– Мамоу, Шардын, уи аҭахымзар ҟалап. Дарбан ану, абу
аԥҳа абрагь дигааит зҳәо, – иҳәеит Никәала. Уи диқәшаҳаҭхеит
Ҳаџьараҭгьы.

– Лара лоуп аус ахгьы аҵыхәагьы, лара лоуп изацәажәатәу,
нас илҭахызар лҭаацәа иралҳәааит, уи лара илусуп. Амала,
аԥаса ишәҳәан еиԥш, лышьҭра цқьа иазҵаатәуп, ан лкалҭ аԥҳа
илҿацәхоит рҳәоит, зегь шьҭрала иҟоуп. Ашәаԥыџьаԥ адацала ишгыло еиԥш. Абри лара дубаанӡа заанаҵ еилкаа. Уажәы
ллымҳақәа ҿшаауазар ҟалап Гәында, лыӡбахә аҳәара ҳаҿуп.
Ахш аӡы амҭакәа илуҭар илжәуоушь? Ҳаџьараҭ, угәы иаанагои? – Никәала Ҳаџьараҭ днеиҿаԥшит.
– Сеидру, илжәуазар аабап, илымжәыр ҳнапаҟны дыҟоуп,
бызлааз бымҩа хәхәаӡа ишьҭоуп, бнықәла, ҳҳәап,– наиаҭеикит
Ҳаџьараҭ. Иааибарччеит.
– «Мамсыр икамбашь хьаанӡа аҭра ҟаиҵон», – ззырҳәогьы
абри ауп. Макьана лымеида ҳамаӡам, уашьҭахьтәи лдәықәҵара
ҳалагахьеит, – даалафит Шардынгьы. Ҳаџьараҭ ихы-иҿы аашеишеит, нас икылкааны рыҵаҟа иқәԥақәсуа аӡы илеиуаз дҭаԥшуа далагеит. Уи аҵан иалагылаз акалмаҳа аҵыхәа
ԥшандага хәыҷы зны-зынла маҷӡак иаарҵыслон ауп, ус
икахәхәа, акан ҟаԥшьқәа ақәыҳәҳәы иӡаарсылан. «Ишԥаԥшӡоу
инкыдрымҵааит. Аҳ ичысхә рҳәоит акалмаҳа азыҳәа, егьырҭ
ауаа хархьаа ирфар ирзеицәахозар акәхап!»
Нас днеиҭашәан хәыцрак дынҭанагалеит Ҳаџьараҭ. Агәа­
қь­ҳәа аҭацаагацәа ҽыжәланы, аҭаца амезан лышәҵаны,
асед­ла даныртәаланы, илывеибаҳәа «Радеда» ҳәауа иашҭа
иааҭа­лоит. Иаҳәшьцәа, иан ргәы хыҭхыҭуа Маахырбла иаа­
лыкә­ҵәиаашоит, дыргәыдыҳәҳәала дгәыдыркылоит. Агәарԥ
еиҵҳәаҿы аҟәақҳәа иасны ицәырыргоит аркәашага ашәа.
Арԥарацәа хьшьыцбашәа иаҳәшьцәа рываргьежьаауа идыр­
кәашоит. Аҟәҟәаҳәа ахысбыжьқәа гоит, нас – еиҵҳәаны аи­
шәа-чара, қьафура…
Абри еиԥш иҟаз аразҟы, анасыԥ дзалхәдаахази иара. Днеи­
ҭаргааит Омар, иҩахыӡаа ишԥеига, иҭәы-иԥха еикәааӡа иҟаз
ҭаацәарак! Ауаҩы иҭыԥ ҩашьахааит ҳәа ашәиԥхьыӡ ирҳәогьы
абри акәхап изахьӡу .
Иҩахыӡаа ицап иҭаацәара. Агәара иазынхап имажәуа
амжәаҵлақәеи, аҩны иаҵоу, аамҭа иаражәуа ахаҳә еиқәа­ҵәа­
қәеи. Уаҳа акгьы. Еҳ, аԥсҭазааражә, аԥсҭазааражә… узеиԥш­

роузеи уанаџьалбеит, џьоукы еснагь амра ашәахәа гәыбзыӷқәа
рықәԥхоит, џьоукы рзы еснагь аԥшаӷьы суеит.
Аӡаԥшь-иԥа диеиканырц игәы иҭамызт иара. Ҟиҳ, анцәа
ибоит. Уи дызҭамԥшуа кәараҷҷа ыҟам рҳәоит. Иахьынӡауаз
ичҳаит. Ахаҳә уршыргьы – иԥжәоит. Ашәыргәында иаҳәоуп
зыҭра иҭажьакцо.
Ҳаџьараҭ дызӡааԥшылоз аӡы ӡычак иаҵәаӡа иӡаасылома
уҳәаратәы инхыԥраалт. Уи аӡаҵаҟа ишьаҳиҭханы иӡаагылаз
акалмаҳа знызаҵәык аҵыхәа аарқәацеит ауп, нас аҵәыртҳәа
аԥашә иҩаҵапҟа ицеит.
Рдәынақәак «ҿықә-ҿықә» дыргон, аԥхьагылара ргәы
иҭазар акәхарын. Рыбжьқәа цәыршәагаха иҟыжуан нахьхьи,
аџьра агәҭаны ахьажьқәа.
Ҽаҩраҭагалантәи амра аласкьагара иаҿын. Арҭ ахьтәоу
шьҭа ашәшьыра ахаԥеит. Аҩхаа иҭысны иаауаз ари ашьха
ӡиас згәылсуаз аҳацаҟьа хьшәашәеи ашыцламшәи рыфҩы
ласӡа, иҵәыҵәӡа рԥынҵа иҭасуан ахацәа.
***
Адырҩаҽны шьыбжьышьҭахь акәын. Ҳабҩы ахахьы Маф
иҳаԥы иҩахыкны акыӡӷыраҿы Никәала иуардын ҵаҳәаны
игылан. Акьат аӡа иаҩызаз аџьықәреи лапҟьақәа рыла ихыбны
идырҭәуаз акалаҭқәа ааганы ауардын иақәрыжьуан. Аџьықә­
реиқәа еизга-еизганы, иҽыгә-ҽыгәӡа ана-ара иала­жьын. Ауардын еиҵаҟаа иандырҭәлак, уи аҿыжбжьы амхы ина­лыҩ­
уан, ифырмахьц тартар ацә еиқәызза дуқәа рыб­ӷашшара
ина­кәырҵәашо аҩныҟа иҿынеихон Никәала. Иԥшә­ма­ԥҳәыс
Ашьеи лгәылаҳәсақәеи аффаҳәа аџьықәреи ҿыхуа иалан.
Аҷандара, Абӷархықә, ԥсырӡха ақыҭақәа дрылууаа Ешы­
раҟа, Маахырбла лахь ихы хан Шардын. Иҽларџь ашәах иаганы иҟан, аха уи агәхьаа зкыдаз умҳәозар. Ԥыҭк лхи-лҵыхәеи
еиликаахьан, шьҭа лара дбатәын.
Ҳаџьараҭ иакәзар, Маф иҳаԥы ахаҩаӡара, ажәытә ахьшьцәа
рҭыԥ аҟны, игәы хыҭхыҭуа дтәаны дыԥшын, Шардын жәабжьс
исзааигарызеи ҳәа.

Араԥ шьаҳаны ааигәа иқәын.
…Лахьхьи, амшын ахықә аҟны, аӷәтәы ҩны хәыҷы игылоу
ахь, ишьапы хырҟьаҟьа ҷкәына хәыҷык дыҩны иҿылеихеит.
Гәында дыҩдәылԥхьаны, ллымҳа дынҭахәыҭхәыҭит, нахьхьи, ашәшь аҵаҟа аӡәы биҭахуп, бца ҳәа. Нас, инаҩс ииасны ицоз ахьычԥаԥыр илаԥш иааҵашәан, длеи длазыҭрысит.
Еицыкәараҵо ишеишьҭаз, наҟ афасара инылалеит.
Гәында илҳәара лзымдыруа дгылан ахәыҷы дишьклаԥшуа,
дааԥышәарччан, нас аҩныҟа дныҩналан, дышиашаз асаркьа
днадгылт.
Днаҳәы-ааҳәуа леинаалашьа блаҵарыла игәалҭеит. Илшәыз
аҵкы аалшәхырҵәрааны,лхала илӡахыз ачыҭ ҵкы ҿыцҳаҳараӡа
иаалшәылҵеит. Дырҩегьых днаҳәы-ааҳәит асаркьа аԥхьа.
Дҭабаҟаӡа, лцәа ианышәо, илыдҳәаҵалаӡаны илшәын. «Ссахьа, сеиҿартәышьа цәгьам, аҭыԥҳа замана, ирҳәаша, иргаша.
Соуреи сыҭбаареи наӡоуп, изуеи афы смыст. Сыхцәы акәзар,
ишьқьыруа сӡара илахысуеит. Дызусҭада ашәшь аҵаҟа иааины исзыԥшу уажәы? Иара иакәзар? Шьыри, иакәҵәҟьандаз!
Былақәа амаахыр иеиԥшуп ҳәа сеиҳәеит, иеиԥшҵәҟьоумашь?
Абри асаркьа зшаз ибзиаҵәҟьаны ишԥеиша! Амаахыр ра­цәах­
хырашәа еиқәаҵәоуп. Ааи, Акьахьба ҷкәын диашоуп, сыблақәа
здикылаз иреиԥшҵәҟьоуп. Иакәхарушь? Мап, иакә­ӡам, ҽынла
ара иаӷацәа рааҵраҿ дышԥааиуа… Ус сҳәеит ҳәа, зны дмааихьеи, бнарами зехьынџьара, абна ауа­ҩы даҵәахуеит. Дысхаҩон
усҟан, ашьыжь ӡаагара санцоз шьаб­с­ҭ­ашәа саԥхьа дынкаԥеит.
Џырлыхуп иара. Уи аҽны ара аб­наршәыраҟны ирхәлазар
акәхап. Аныхәла дцеит. Амлагьы дынҵәеитеи рыцҳа. Ус
акәызҭ­гьы ихәы назымгози. Абрагьҩы имацара дзаҵәӡа абна
дыз­лалоузеи, агәҿыӷь дамгаӡои, агыгшәыг иԥырхагаӡами? Ари
аҵкы снаалоу, мшәан? Уу, абан сан, афархьқәа лгәыдкыланы
дахьаауа! Дааиааит нас. Изӡахыз аҵкы снаалозар збоит, лара
илымушази, нас? Саб уажәааигәоуп аӡлагарахь данца, макьана дааӡом. Сӡара шԥаҟоу? Ҭыԥҳаӡара сигәаԥхартә сыҟоу?
Сигәаԥхозаргьы сара сиццаӡом, баша ихы имырааԥсааит!
Иааз иара иакәхарушь? Мамоу. Иахатәиала ԥхыӡҳәагьы ак
сымбеит. Иара иакәӡам. Иакәындаз шьыри…

Сцап шьҭа, ашәшь аҵаҟа исзыԥшу иахь. Абан сангьы дааиуеит шьҭа. Уи абрыстәи дыҩналоит, сара ҵаҟатәи ала сдәылҵуеит.
«Кәли-ҷли, кәли-ҷли» – ашәа шԥарҳәо аҵарақәа. Идзырҵада
мшәан, убарҭ ашәаҳәашьа? Амшын цқьаӡа ишԥаҭынчу иахьак.
Амра цеицеиуа ихыҷҷалоит. Ишԥассиру аԥсҭазаара… Хҭарԥашкәакәа иакәзар иасҳәои? Сара макьана хаҵа сцаӡом. Мамзаргьы, сзааӡаз сани саби ныжьны ишԥыкәу сара хаҵа сышцо, сҳәап. Шаҟа иԥшӡаны ашәа ҿыцқәа аԥырҵозеи абарҭ
аҵарақәа. Урҭ анцәа имшазҭгьы аԥсабара баша иҭацәӡа
иҟазаауан. Шьҭа ҳашнеи-шнеиуа абӷьқәа каԥсо иалагеит, аха
нас ҩаԥхьа еиҭаптыхуеит. Еснагь ааԥынрандаз!
Жәҩан ишкыду аеҵә шаша,
Икыдшәа илеиуеит, ихаҵа.
Ас мацара хара сызцашам,
Исаҳә иуԥеиԥшу слахьынҵа!

Ажәҩан ашҵа икыду аеҵәақәа рыԥхны еимхәыцха сыхәда
иахаԥсандаз! Ишԥабзиоу аԥсҭазаара! Иара иакәхарушь?
Аха, усҟан лассы саауеит ҳәа акгьы имҳәаӡеитеи. Иакәзааит
аҭахызар, зегь акоуп сиццаӡом. Ари? Ишԥакәеицеиуеи иара
мыжда, сыкәа иааҭыганы абас снацәа иахасҵап. Ишԥанаало,
иара анцәа иазишеит.
«Ҭауади-аамсҭеи амҩаду шәарҭас ирызҭаз, Хҭарԥа-шкәакәа
ҳәа изышьҭоу сара дысзыԥшноума уажәыгьы ара сышгылоу?!
Знык ҳаинасыԥхандаз, шьыри…»
Нахьхьи ашәшь аҵаҟа, ақыдхымсыҟә дықәтәоуп Шардын.
Иҟамчы аԥҵаҵа ыркәаталеиуа, инышьҭеикша-аашьҭеикшоит.
Инаҩс иҽларџь зыдҿаҳәалоу амаҵә иаамхоит, аӷәырҿ ааҿыҵ­
гоит. Нас, ашыҩҳәа аҵыхәа наҟьа-ааҟьо амҵқәа наҟәнацоит.
Анахь, зынӡа иааигәаӡаны амшын иӡаагылоит акыр ихь­
шәа­шәахьоу амра. Еилыблаа-еилыблаауеит иара. Ацам­ҭаз
ари амшын ҟьантаз иеиҽырбаӡоит, иргәыбзыӷӡаны ашәахәа­
қәа хнаԥсалоит.
Абан деихытаруа лара дахьаауа. Аҵарақәа рашәаҳәабжь
дацкәашошәа, шаҟа лныҟәашәа еинаалоузеи! Иласҳәои, сыш­

ԥалаго? Ақьаӷьариаразы лҩызак дазаҳкыр акәын, уи сара
сабамаҭәагәышьоу…
Лара дшааиуа-шааиуаз дангәалҭа, дааиҭашәеит. Маҷ-маҷ
лшьаҿақәа аалырссеит.
– Уа мшыбзиа, Гәында! Сара Акьахьба иоуп саазышьҭ! –
Шардын дҩаҵҟьан, ашыхәшыхә дыччо иаахижәеит.
– Бзиара убааит! – афлыка хәыҷы амшын гәеиужь ихыр­
шәлоу иаҩызан лнапы ԥшқа инапсыргәыҵа ҟьаҟьара ду иа­
ныр­шәлаз.
– Ааи, Ҳаџьараҭ иоуп саазышьҭ, анцәа иныс! – еиҭаа­
шьақәирӷәӷәеит аԥхьа ииҳәаз.
– Уи бзианы иҟаиҵеит. Аҩныҟа умааиуеи, ара ааҵраҿы
узгылеи, аҩны ҳамоупеи! Дабаҟоу иара Хҭарԥа-шкәакәа
уажәы? Ҵыси-ҳәыҳәи сразҵаауеит акгьы сарҳәом, – лыблақәа
маахырӡа, икәеицеиуа иааиҿаччеит.
– Ниаҳ! – ашыхәшыхә деиҭааччеит иара. – Уи абрагьҩы
дахьыҟоу аҳәара мариам, зегьы ирарҳәом!
– Уеизгьы, данубалак салам сызиҭ…
–Хаҵкы-ԥсаҵкы ҳәа…
– Усгьы акәзааит. Ҳазгылоузеи, мшәан, аҩныҟа ҳлеип. Сан
аҩны дыҟоуп, сабгьы уажә даауеит.
– Иҭабуп, уахьгьы, нас… Амшын ахықәанҵәҟьа шәыш­ԥа­
қәынхо шәарҭ. Уаха зны ԥсыӡ уамагак ҩҭыҩрны илшәықә­
ларгьы, ҳаӷеиҭа!
– Абгақәа ирыцәшәо абна дылалаӡом.
– Ус акәхап. Хҭарԥа-шкәакәа ҳәа баауеит, шәабеибадыруа
иареи бареи арысҟак? Бтәеи ара ақыдхымсыҟә аҟны, ҳҩы­
џьагьы ҳакратәы иҟоуп. Уи аҵыхәала акы неибаҳҳәа-ааи­
баҳҳәақәап, – Шардын дзықәтәаз ақды ахь инапы наирххеит.
– Иҭабуп, уара утәа. Ақәаҵаҟны исзымдыруа тәым хаҵак
сынидтәаларатәы еиԥш сырмааӡеит сани саби. Урҭ аԥсуаауп,
– акыркырҳәа дааччеит Гәында. Ааигәа згәы ҭалаз аџьықәреи
рыцқәа реиԥш, еиврыԥх лхаԥыцқәа ааҵыџьџьааит.
– Бара уаҩ дызхәарҭаӡам аӡә бакәзаап. Бдин аныс, арыс­
ҟак шәабеибадыруеишь иареи бареи? Ихьӡ ҷыда бҳәоит,
егьиуеит!

– Ҳаибаздырӡом, мшәан!
– Нас иабаҟоу, иаргьы баргьы шәҟазшьақәа акалашәақәа
избоитеи!
– Иугәамԥхои нас ҳҟазшьақәа?
– Шәарҭ шәеибагартә шәыҟам!
– Уара иаразнак уахь ухы зцеи? Сара макьана уи сазырымкыцт. Ҵаара-ԥхашьарам, џьаракыр жьра-цәара ҳәа акыр рыбжьаны иҟоума Кьахьааи Андыбааи, сара исмаҳацт? – лхы-лҿы
ааргызмалшәа днеиҿаԥшит, зҟамчы ашьацра илакшо итәаз
ахаҵа.
Азныказ ииҳәара ааиҿамшәаҵәҟьеит, иныргызмал-аар­
гыз­малшәа длацәажәон, аха…
– Мап, ус жьра шәыбжьаӡам, аха…
– Нас, аха…
– Анцәа иныс абра ак шыҟоу. Иаргьы зны ҳанеиқәшәа акы
сеиҳәақәон…
– Изакәызеишь иуеиҳәоз, Ажәеиԥшьаа рцырҟьа?
– Гәында Андыб-ԥҳа дымҵасырсуеит ҳәа. Дырҩегьых
хьшь-ҵәҵәашәа акыркыр ааҭлыргеит.
– Бзырччои? – абри дхагоума, ланаџьалбеит, ажьыҳара ҳәа
дныҳәатәуп ҳәа сыҟоуп. Ииԥшаада Ҳаџьараҭ, ианаџьалбеит,
ааигәахәт Шардын.
– Сзырччои умбои, имҵадырсуа дызусҭоу удыруоу?
– Ыы, дызусҭада?
– Даҽаӡәуп.
– Ыы, шьҭа еилкаауп…
– Акгьы еилкааӡам.
– Избан?
– Убас.
– Акгьы сзеилкаауам, Гәында. Шьҭа бӡырҩы, алаф-алаӡб
ҳҳәеит, шьҭа аус ахаҭахьы ҳаиасып. Ԥыхьа исҳәеит Ҳаџьараҭ
сшааишьҭыз, еилыбкаау?
– Сара аханатәгьы уи еилыскаахьан, усҵәҟьагьы сумԥ­
хьаӡан…
– «Ус» шԥа?
– Убас, дырҩегьых лыбжьы ныхҵа-аахҵо, аҵарақәа ра­
шәабжь инацлырӷзит.

– Бысхыччома, сара сыччархәума? Баасыдгылеижьҭеи ач­
чара баҿуп! – Шардынгьы дылҿаԥшны дԥышәырччоит. «Дыш­
ԥассиру. Акы дагааите, еснагь акыркыр дыччо. Дызнасыԥхаз
иразҟы иакит».
– Нас еибаҳҳәои, иасҳәои Ҳаџьараҭ, ааи акәу, мап акәу?
– Ҳарҭ ҳаибагаратәы ҳаҟаӡам.
– Избан?
– Уара уоуми аԥыхьа ус зҳәаз.
– Уи алаф сҳәон.
– Сара алаф сҳәаӡом. Ажәа сымоуп. Ари убоу,– лнацәа
ҭхәаа ахьы мацәаз ахыџьџьаауа иаацәырылгеит. – Ауаҩы
иажәа – ажәазароуп. Абри сызҭаз ауаҩы иоуп сызтәу. Дабаҟоу
мшәан иара?
– Дахьыҟоу бара иазыбуеи шьҭа. Былды сбырҳәеитеи
ббаашәт. Аханатәгьы сҳәаны стәоуп бҳәар уаҳа аҭахызу…
– Ҳаӷоу дҳәаны дтәазааит. Сара ажәа сымоуп ауп, аҳәара
усс иамеи.
Шардын деиҭааԥышәарччеит.
– Исҳәои, нас сахьнеиуа?
– Иоуҳәахуеи, иуасҳәаз ауп. Абри сызҭаз ида аӡәы сааҳәны
сизхьаԥшраны сыҟам. Сазыԥшуп уи иаара. «Аҳы, Гәында,
иахьашәоуп» – иҳәар, хьшьыцбашәа сԥырны сынишьҭалоит.
Абас сызиаҳәа. Абзиараз, шьҭа хәлоит, ҳаӷеиҭа ари амшын
ԥсыӡ уамага ҩҭыҵны идәықәлоу сеидру, уажәыҵәҟьа арахь
бџьарлагьы сеиқәшәаӡам, – лҳәан, акыркыр ҩхылҵан. Ашьац
ахы дықәымкьысӡакәа дышьҭыԥрааны аҩныҟа ддәықәлеит.
– Абасҵәҟьоу, уаҳа акгьы сабымҳәаӡону? – ибжьы налы­
қәиргеит.
– Уи еиӷьны иуасҳәо сара акгьы сымаӡам, – даахьаԥшны
дааԥышәарччан, дыԥрит дырҩегьых.
Амала ԥсҳәы ицаны иааз ҳәа, акы рҳәоит еиԥш, даханы
дабантәаа, дагьшԥагәыӷуаз, арахь… Иҽы даасын, дахьааз
иқәиршәт Шардын.
«Иеиӷьзаргьы ҟалап ишеинасыԥымхо. Лара акыркыр дыч­
чо, адунеи деигәырӷьо арахь аӡәы дизыԥшуп, Ҳаџьараҭ иакә­
зар: алашьцара, абџьар, аӷацәа… Аха… Димандаз, шьыри!

Дагхеит акәымзар, диццон лара, лцәажәашьақәа ус иҟан…»
– алмҩанык дхәыцуан Шардын.
***
– Нас иуалҳәазеи Маахырбла, улахь еиқәушәа збоит?! –
дҵааит Ҳаџьараҭ иҩыза дшааидгылазҵәҟьа.
– Сыздыруам иуасҳәара, лара…
– Илуеи лара?
– Акгьы алҵуам ҳәа сыҟоуп ҳазҿу аус!
– Избан, усҵәҟьа угәы зцеи?
– Лара ажәа лымоуп, ахәыҷымыҷ лоухьеит, амацәаз
ҩежькакараӡа лнацәа иахыџьџьаауеит, абри сызҭаз уаха
иҳәа­р­гьы снаҵҟьоит уаҳа – аӡәгьы, лҳәеит. Уи санимга аҽшь­
ра­зы ашаха ныкнасҳауеит ауп лҳәеит…
Ҳаџьараҭ аччара далагеит.
– Узырччои?
– Ус баша.
– Ус баша аӡә дыччо убахьоу?
– Усгьы аныҟалало ыҟоуп.
– Ыы, сара сыччархәума? Лахьхьи акәзар – Гәында дыс­
хыччоит, ҩахьхьи акәзар уара усхыччоит, иара саргьы саа­
ҟәым­ҵ­ӡакәа сыччалап…
– Уччала, Шардын, сҩыза гәакьа, уччала. Аччара уаҩы
иԥсынҵры иацнаҵоит рҳәо саҳахьеит, уччала. Нас ҳанымыччо
еиҳахап. Амацәаз сызҭаз ситәуп, уаха иҳәаргьы сиццоит лҳәазар,
уара дуҭацахоит, аҿҳәара ԥҵәаны уааит ҳәа иԥхьа­ӡоуп. Смацәаз
ауп лнапы иахаз, амала егьыс лышьҭра узаз­ҵаама?
– Ҳаџьараҭ!
– Ааи, Ҳаџьараҭ ҳәа сарҳәоижьҭеи абар шьҭа ҩажәижәаба
шықәса сырҭысит, с-Шардын гәыраз. Шьҭа зегь еилукааит ҳәа
сыҟоуп. Нас лышьҭраз акрузҳәома?
– Урҭ хәынгоушьо иҟам, зхәы иаҭәҳәаны акрызфо уаауп.
– Аӡәгьы уимбакәа уцаны узаау?
– Ӡаԥшьаа ргәыла Ҳасан санаауаз дынсхьыԥшит аҟароуп,
уаҳа аӡәгьы дсымбеит.

– Абна дацәымыӷхааит уи дабауҿаҳауаз!
– Ыы, ииуеи Ҳасан, деихәлаԥхаауа, ахаҵа замана, зынгьы
убас уигәҭасны уцәажәо саҳахьеит.
– Ииуеи умбои, дҽеим. Кәырк Ҳасан, дҽеим. Уаҩы хәым­
гоуп!
– Ҵоуп, аҳәсақәа рзы дбааԥсуп рҳәоит, аха дхаҵами нас,
дара аҳәсқәа рҽаанырымкыло! Мчыла аӡәы дирҳәҳәахьоума,
дирҟаахьоума?
– Уи иашоуп, аха убарҭ роуп дагьызқәыӡыз иара. Уи сара
дшыздыруа дудыруазар, дхәымгашьаны инапы умкыр ҟалап.
Ахәыҷқәа рыбжьагылоуп акәымзар, егьарааны диҵыҵны
дцахьазаарын иԥҳәыс. Амала, сара издыруа, иара итәы лара
илдыруазҭгьы, дшыцәоу акәзаргьы дылшьуан, дызгарыз амаҭ
шҳам илҭон – иҳәеит Ҳаџьараҭ акы дазхәыцуа.
***
– Иҟалаз шәаҳау, иҟалаз?!
– Иҟалеи, шәанаџьалбеит?!
– Иаха Гәында дрымгеи!
– Дыргазааит нас, ирымго анцәа дҳаумҭан!
– Ее-и, ус акәындаз…
– Нас ишԥа?
– Дызгаз, дахьыргаз уаҩы издырӡом.
– Хаҵа дцоу, ма ус џьара акы лзыруу?
– Мамоу, ашьыжь лани лаби анааԥш, рыԥҳазаҵә дубар
даахә. Лиарҭа цқьа-шәқьаӡа еилыргоуп. Ан днаҭрыст Гәын­
да лчықьмаџьа зҭагылаз ашәындыҟәрахь. Аҷараҳәа иаарт­ны
дынҭаԥшит. Уҭаԥшла уҭахызар, лымаҭәа хәыҷқәа зҭаз лчықь­
маџьа ҭкәыцәаа иган. Нас иҟалаз аулымдырхуаз, аха дызгаз
дарбану…
– Нас, ари цәгьарас иаҵоузеи?
– Ее-и, уаҩы издыруам дахьыргаз. Уаҩы издыруам дызгаз.
– Уи шҳаҳарыз, ҳара ҳаибгандаз.
Адырҩаҽны абас ажәабжь аарылаҩит .

Ҽа-шьоукых ахьааидгылоз абас еибырҳәон:
– Иҟалеи џьбеит?!
– Аума акаамеҭ!
– Диид, хаас иҟалазеи?!
– Гәында Андыба-ԥҳа дызгаз Акьахьба иоуп рымҳәеи?!
– Хса блааҭых, игәаӷьны дызлаиццеи лара, аҭауад дуӡӡа
адунеи дықәызгаз абрагьҩы?
– Иаргьы мбатәы имгәаӷьи?
– Дицца шәҳәоу, алашьцара ихы иархәаны, дымҵарс
иҽыхәда днықәкны дигеит рҳәеит.
– Аӡаԥшьаа?
– Аӡаԥшьаагьы аҿаапкны, иԥаԥашькны иқәуп. Астражник­
цәа адунеи дыркшоит, аха иубода, ани ақәыџьма дуԥшаауа
дыҟоума!
– Дышԥеига, нас иара?
– Абга асыс мырҟааӡакәа ишаго еиԥш.
– Ран лхылымсааит, иааргәаӷьуазеи џьоукы!
Адырхаҽны иҵегь ажәабжь рылаҩхьан:
– Иҟалаз шәаҳау?!
– Иҟалеи?
– Ҳаџьараҭ имҵаирсыз аҭыԥҳа Нхыҵҟа дигеит рҳәеит,
шьҭа дыԥшаа!
– Уи лабгьы махәи-ҵыси еиқәиртәом, дишьҭоуп рҳәеит.
– Нхыҵҟа акәым, аха далҟа дигеит рҳәеит. Џьоукгьы Ҵабал
рҳәеит, убра иҩыза бзиак иахь ихы ирхеит ҳәа ауп ирҳәахуа,
Анцәа идырп. Акы аныҟалалак, шәкы рҳәоит.
– Дигеит, дигеит ауп уаҳа акгьы. Иҟаиҵаз азмырхакәа
дырҩегьых аҳҭынраа алаба рааирхеит. Рааҵрантә ԥҳәыс дигеит.
***
Дырҩегьых ааԥынра цәқәырԥо иаауан, ашәаԥыџьаԥ хыш­
хыҵәаны иаҵәа бӷьыла рҽеиларҳәон, ҿыц ашәҭқәа пытуан, аҵарақәа ашәа ҿыцқәа аԥырҵон, ҿыц асабицәа адунеи
иқәлон – абыргцәа рыԥсахуан…

Дҵәахын Ҳаџьараҭ, анхацәа рыкәа дҭаршә, нас дызларыԥ­
шаарызеи иаӷацәа?
Астражникцәа маҷк иаанҿасит, ргәы ԥҵәазар акәхап, ақы­
ҭа лақәагьы акыр иааҭынчхеит.
Амала, аԥшыхәцәа, ацәгьаҳәацәа шьқьыруа ацгәы ашь­
ҭыбжь рыҭаны икылԥш-кылӡырҩуа игәаран. Ашәҭ ыҟоуп, аха
амыӷгьы ыҟоуп ари адунеиаҿ.
Ауриадник Амаан маҷк ичын ладырҟәит Акьахьба дахьи­
мыхәаз азы. Уаҳа акгьы анилымшаӡа, имаҵурагьы шьҭеиҵар
акәхоит. Дыӡӡеитеи, дызлеиԥшаарызеи?
Уажәы ашьацҳәа ҿыц изышьҭарҵеит Ажәеиԥшьаа рцырҟьа.
Хьыла аԥара маҷымкәа иоурыжьт Акьахьба ихазы. Ахьазы зегьы рыԥсы цәгьоуп…
Аӡаԥшь-иԥа Алықьсандр иакәзар, ишны изеиқәымтәаз
аҩеиԥш, иҿаҭахьа ус иаанхеит. Иашьа дымҵәуаӡакәа анышә
деиҭеит. Анарцә иашьа ашьа иҿашәы дыԥшуп, џьанаҭгьы, џьа­
ҳанымгьы џьаргьы даднакылом.
Ак аҵкыс, ак еицәоуп. Уажәы иааҵраҿ дааин ԥҳәыс дигеит. Изакәытә тәамбароузеи? Ахлымӡаах! Ишԥашоу адунеи?
Аԥсцәа гылоит, абзацәа ԥсуеит. Аԥаса дара уаҩыс ирымшьоз,
уажәы дара атәеибом, дырхыччоит. Ус мацара дызцарым. Зегь
аамҭак-аамҭак рымоуп.
Дшьаӡа-гәаӡаха, дыцҟьашәҟьа дкажьуп! Иԥҳәысгьы, иангьы
иаҳәшьцәагьы алаҳәахӡеиԥш ашәы цыҩцыҩуа ирышәҵаны,
рыхцәқәа быҭәӡа инарықәыжьны, ихырқәақәо инатәап. Араԥ
ашәы нақәыршәны, агәара агәҭа иӡыӡымкуа инықәдыргылап.
Иаб Ҷыжә рыцҳа ивараҿ иҿыцҳаҳараӡа анышә агәы ҩылыззап.
Ааи, уи дук хара имышьҭыкәа иҟалароуп. Аҟәақҳәа идыдыроуп, иҵырҵыруа имацәысроуп. Уаҳа ԥсыхәа ыҟам.
Нас, иаргьы иашьа Омар инышәынҭра днахагыланы,
иҽы­­неиҵыхны ихы даасуа, игәы дааҭасуа, ихы-игәы далхны диҵәуап, иҿаҭахьа шынеигӡаз иҳәап. Иан Ач-ԥҳагьы «уҳ,
гәышьа» лҳәап.
Уажәы, шықәсык ашьҭахь иԥҳәыс дааганы иҭаацәа рҟны
ддыртәеит, абнара лгәы ылаԥҵәазаап. Уи иаҳагьы еиӷьуп. Уа,
иԥҳәыс лҟны даанамгар дабацари. Ара акаҭақәа иахьабалак
иҳауп. Дҵысзар дзалԥраарым.

Аамҭа ахәрақәа зегьы арӷьоит. Аха, ари ахәра ӷәӷәан, аӷьара
ацәуадаҩхеит, есааира имжьыжькхон. Шьыжьи хәымҽхани
раӷацәа ргәарԥ иҭаԥшуа, рырахә-рышәахә рбо, – иуадаҩын.
Раҳаимагьы ахҵәара лгәы иҭан, иахьеи-уаҵәи ҳәа ус
дааиуан. Уаӷагьы пату иқәуҵозароуп, лҳәон лара. Аҵыхәтәан
иҟалаз лгәамԥхагәышьеит. Аха илкызеи, лара илызҵаада
акәымзар.
Уахык, аҵх агәҭа ааиҩнашон, Акьахьба иҩызцәа иманы
иқыҭа даалалеит. Ицын иара Шардын Ашьхарԥа, Никәала
Цар­гәыш, Ҳәатын-иԥа Џьгәаҭ, Жьажә-иԥа Кадыр, Кьахьыриԥа Мсоусҭ уҳәа аӡәырҩы.
Иналак-аалакны лашбыжьқәак гауеит, аҵых ҭаууа иҟоуп.
Боурак аҟынтә жәык ӷызуеит, ахьарчҳәа лахьхьынтә иааҩуеит
амшын ацәқәырԥа ссақәа рышьҭыбжь, ашшы ахгоит аӡиас
Гәымсҭа, ишәахха ииаҩрны, игәаҟха ицоит аԥсырҭахь – амшын ахь.
Аҵых акыр иҿыхьҭоуп. Арҭ аҩны иазааигәахо ианалага,
Ҳаџьараҭ иҩызцәа џьара иаанкыланы иара игәыла Шьрыф
Акаӡба иҟны днымҩахыҵит. Иҵаатәуп, еилкаатәуп арахь иҟоу.
Амҩақәа кызар ҟалоит, аҩны иахаҩозар ауеит. Агәаҽанызаара,
еснагь агәаҽанызаара! Шьабысҭашәа дшәаԥырҳаԥуа адәы
дышԥақәха…
– Шьрыф, о, Шьрыф! – ааҵрантә ибжьы ааиргеит.
Лажәк мақаруа иаацәырҵит. Уи злымҳа иҭасыз инахьхьи
ахәы, лахьхьи лбаантә уҳәа, аҩнқәа рахьтә аақ-аақҳәа алаш­
быжьқәа аҵых еиқәара иналалеит.
– Шьрыф, о, Шьрыф! Уҟазар уаадәылҵишь зны ара, сара
соуп! – дырҩегьых ибжьы наиргеит.
Шьрыф уажәааигәакәын аҳҭынрахьынтә даныхынҳәыз,
ихааӡа илацәа нҭаауан еиԥш ауп абжьы шиаҳаз. Ихы ҩыҵирз­
зан, дшынеибакәу деиқәлымҳаха иҽааибыҭаны днаӡырҩит.
«Издыруа бжьуп. Иара иакәымзааит!» – ааигәахәт.
– Шьрыф сымҳәеи! Тәит, уҽшьра уеиҳахааитеи, уҽушьуама,
ҳаидажәлит ара ҳшеидынхалоз, уажәгьы сузеилымкааӡаци!
Шьрыф илахь ааимаирццеит, днеилууааит азнаказ. Дшы­
неибакәу дҵысҵысуа ииарҭа даагәылатәеит. Наҟтәирахь

ишь­ҭоу иԥшәмаԥҳәысгьы иааигәара дыҟандаз ааигәахәт, аха
лықәҿыҭны дааугап ҳәа уҟоу, ллымҳақәа даарак еиқәшәам.
Абри аамҭазы аӷьеҩ аакҿгеит акәакь аҟны. Шьрыфгьы
мпылшәа дҩышьҭыԥеит. Рыцгәы хәымсыс аблақәа цырцыр­уа,
аҳәынаԥ дук аҿыҵазза адулаԥ аҵаҟантә иаауан. Ишыцгәыз
шидырызгьы иҽизнымкылакәа шьҭахьҟа днеихан, ихы акыл­
ӷьа­шаара аҭӡамц аҿыгә аахнаргеит. Ацгәы икаруаҭ аҵаҟа
ин­хәыҵалан иара атәы иналагеит. Ипаҟә-паҟәӡа аԥхӡы ааи­
ҿықәҳәҳәит.
«Анхаҩы ааԥса, дкараха дыцәазар акәхап, агәарԥ сҭалап,
аҽашьуеит ари иаапкыша» – иҳәан, чоу ҳәа агәарԥ ахь днеихеит.
Шьрыф аҽышьҭыбжь иаҳаит. Ажәжәаҳәа акы ааишәхагәаны,
ихчгьы днаҵасын ицырцыруа, еихаххаа афицарска тапанча
хьанҭыџьӡа иааҵихит. Ахаан бџьар зымкӡац аӡә иеиԥш, инапы иазышьҭымхуа, иқыџь-қыџьуан.
Иабџьар хыршаны иџьыба илҭакны: «Ҳаи, сыҟамкәа, иауазеи, уарбан ҿызҭуа!» – ҳәа ашә аавҵрааны ихы азбжак
нкылирҳәҳәеит.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 07
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2390
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3456
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3422
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2379
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2445
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2332
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3415
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3389
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2415
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3458
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2393
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2392
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3433
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2439
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3388
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2365
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3451
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2385
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3456
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2380
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3399
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2338
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3467
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2403
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3468
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3548
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3499
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2299
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3500
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 1205
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 841
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.