Latin

Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 03

Süzlärneñ gomumi sanı 3422
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
– Усҟәаҵ, акәымзар иахьакәым ҳкылнагоит, Ҳаџьараҭ!!!
– Иахьаҭаху ҳкылнагааит, акы сацәшәом, сухьӡар аҭарчеи
згароуп!!!
– Ухы аҭыԥаҟны иааг, узацлабуа ддыр! Мамзар…
– Мамзар, ишуҭаху! – аҽыбӷаҟны иааибархха-ааибартарын,
акәадыр аҭарчеи лаҵжәааны, Араԥ ахы арымарахь иаарҵәины,
аҵыхәтәантәи анаарахь ахы ирхеит Ҳаџьараҭ.
«Хьачхәама рбаӷь иахыҵраҳа ихымҵааит, иаасзиузеи!!!
Абџьар аус ауроуп, уаҳа акгьы ихәом ари, абџьар!» – Угәуҽаныз,
суеихсуеит! – ибжьы лаиқәиргеит, аџьҵлақәа ирывакәараҵааарывакәараҵо инеиуаз Ҳаџьараҭ.
«Аҿаарха, сыхиоуп!» – иҽы даниалаӡаны, иабџьар ҭыхны
даахьаҳәит ишьҭахьҟа.
Аҭауад иабџьар ҭагәҭасуан ахылаӷьара дахьҭаз, иара иши­
ҭахыз итапанча аҵа дызкылԥшуамызт, иаӷа изқәа изақә­
куамызт.
Егьыгь уажәы-уажә иаԥхьаҟагьы ишьҭахьҟагьы дхьаԥшуан,
аҵлақәа дрываҵәиуа дцон, иабџьар харшаланы икын. Ус
аҵықь-аҵықь ааҭгеит, Акьахьба абыржәыҵәҟьа длазвууааз
аџьҵла агәыцә аттаҳәа ахқәа налаҟацеит.

«Ажәеиԥшьаа уимырхиеит!» – абри иаҳаит Омар, аԥшӡеиԥш
дагьылаимпыҵаба дцеит.
Ус, лахьхьи агәашәқәа рҟны игәашаха иԥшыз ауаа рҟны
иҭарчеи еиԥшьклахәхәа иҽахәда иакәыршаны, иԥыр-ԥыр­уа
дылкылсит Акьахьба. «Афырхаҵа, афырхаҵа!» – ҳәа шьҭыб­
жь­қәак геит, шьоукгьы иахьыҟаз рхашҭны агәақьҳәа ана­
пеинҟьара иааԥшьырган, аха, – ижәуазеи, ачараҟны шәыҟоу­
ма! – рҳәан, иаадырҭынчқәеит.
Акәытҵара ааигәара зхы ларҟәны ачанахқәа зыӡәӡәоз
аҳәсақәа, иҵысҵысуаз рцәеижь ибла цырцырқәа рхьыгӡо
дгылан Ҳасан. Уажәы арахь аҭарчеи згаз иахь дааԥшит. Ихаҿ­
гьы ааихалашеит. «Ус еиҳа еиӷьуп. Абыржәоуп Омари иа­
реи ахҟаҵәҟьа анрыбжьала. Сыԥсӡамзар, аринахыс хара
уишьҭрым, сара акгьы сылымшаргьы, Омар уара уаҵкыс даиааиуеит. Аҳ, уиаҽны ҩызарас ҳәа уара уанаашьҭысхрыз иара
уаҵәҟьа иаасгәыҵамшәоз. Анышә агәы ҩыҵбырчааит, Хамсада! Иаасзыбузеи, Хамсада? Ари адунеи еибаркыра дуӡӡаҟны
ари аҩыза аҿаасҭа ҟалахьоушь, анаџьалбеит. Баҳәшьагьы
ахьымӡӷ лбыргеитеи, Хамсада!
Шьҭа Омар даалаганы Ҳаџьараҭ дишьыр, хьымӡӷ сыма­
ӡа­мызт. Нас уи амаӡа хлымӡаах здыруаз лара санхәыԥҳа
бзиахә Хамсадеи сареи ҳакәхон, уаҳа уаҩы иаҳашьа амамызт,
быжьрабыжьҵәа анышә ижны илаҳҭон. Дышьтәуп, дышьтәы
Акьахьба, ма иара дишьыроуп, ма сара дысшьыроуп!
Ари адунеиажә аҟны иҟамлац иҟоузеи, аха асҵәҟьа ҟалашьа
амамзар ҟалап. Сыԥшәмаԥҳәысгьы акгьы лыздырӡом, иааилылкаар, акаамеҭ, ҳаӷеиҭа адгьылҵысра ҟалоит ауп. Ахәшә
сыҭаны сылшьып, аха уигьы ҟәнылшьап! Сыхшара, сгәылацәа
ираҳар?! Сыҷкәынцәа рҽыҩкнаҳаны рҽыршьып.
Афы аҟәақҳәа ибысны беиҟәнажәааит, Хамсада! Аџьныш
дыбзыцәгьахааит, Хамсада! Иа, хыхь иқәтәоу анцәа ду, узқәа
сеиурхама, укыдыбгааит!!!
Сасра ҳәа уи аҽны уахь ҳандәықәлоз Шьашә рарбаӷь
дақәтәаны, ҟамчыс амаҭаԥшь кны даҳԥылазар акәхап ахәырҭ­
лаӷь. Иара Ҳаџьараҭ усҟан уаасықәымшәар иҟалози. Еснагь
шәарыцара ҳәа укылԥш-кылӡырҩуа ашьха уқәын, алабазаҵә
уадҿаҳәаланы уааргар иауааз!»

«Ҳаи, уқәақәра згааит, башазаарымызт ажәлар иузырҳәоз!»
– аԥсхәраҟны ацәымзақәа шеилагылоу еиԥш, еилаҟҟы еилагылаз ауаа рыжәпара неимгәҳәа Шардын Ҳаџьараҭ иахь
иҿынеихеит. Уи амҩа илихуаз лхы иархәо, акәата-кәатаҳәа
дишьҭаланы днеиуан Гәындагьы.
– Ҟоҳ-чоҳ, ас ишԥаҟалеи, џьушьҭ?
– Е– е-е-и, анцәа иџьшьоуп, лыԥхала…
«Афырхаҵа Акьахьба ҷкәын!» – Ҳаџьараҭ иааикәыршаны
абыжьқәа гон.
Ҳаџьараҭ дылҽыжәԥан, иааидыххылаз ҷкәынак Араԥ наии­
ҭеит иаалеигаҩеигарц, аԥхӡы алаирбарц, иара ижәлар деи­
қәыфырхаҵаха дынрылагылеит.
Зегь раԥхьа Шардын игәаӷьит Ҳаџьараҭ идгылара.
– Иааг умаҿа! – иҳәан, ашахә-шахәҳәа дыччо инапы ааир­­ӷә­
ӷәеит. – Иудсныҳәалоит, иудсныҳәалоит, хәыҷыкгьы саа­шәан…
ашьамхы ҵаруп уҽы. Сара сузымдыруазар ҟалап, аха…
«Шардын Ашьхарԥа уоуп, уздыруеит сара. Зосҳан иқьа­
ҳиа дрырҳаны Аԥсны далызцаз уоуп!» – иааибарччеит аҩы­
џьегьы.
– Лахьхьи аџьра шәахьлыҵалаз аҟәақаҟәақҳәа хысбыжь­
қәак геит. Ҳаи, иабихәац, ааҳгәахәт, изакәызеи?!
– Аа, уахь ҷкәынцәақәак рабџьарқәа рххо ирыманы иҵан,
аҵарақәа ирышьҭан…
Абри аамҭазы Шардын дҵәахны димазшәа изқәа даав­
шәеит Андыба Гәында еихытар. Лыблақәа маахырӡа, еҵәаҵас
днеиҿаччеит. Иаргьы иччаԥшь аагәылшәеит.
«Иугымхааит хьӡи-ԥшеи ианакәызаалак!» –лҳәан, маҵмыџь
хышәҭшәа лхы-лҿы ҩеилблаан, дынрыдҟьан, деихышәашәо
наҟ дынрылалеит. Лцәа иадшәало илшәыз аҵкы аԥарԥалыкь
ԥшшәы аман, амаахыр ссақәа иалаԥсаз еикәаԥхон.
– Уаҳәшьцәа дреиуамкәа дыҟам.
– Мап. Иахьак абра дызбоит ауп. Снаҵаа-ааҵаан, д-Ан­
дыбоуп рҳәеит.
–Аҭарчеи уманы уанаакылҟьа: «Ҳаит, уаҳәшьа дукәыхшааит,
ирылԥаа иааугама!» – лҳәеит. Иахьантәарак лгәы хәыҷы еи­
ҟәыҷҷаауа абна дадгылан, аҽцәа шәахь дыԥшуа.

– Дсыздыруам, дсыздыруам... –Ҳаџьараҭ дааихалашан,
Маахырбла дызлацаз ахь дынхьаԥшит.
Игәы дынҭахәыцт. Ԥсҳәы даныҟаз иҩыза Есҳаҟ еиҳәаз
ааи­гәалашәеит: «Абра Жәанаа Андыбак ичычан, иара даби­
ԥазаҵәын, бӷа змам зегьы иқәымӷыӷуеи, дындмырхо иалагеит.
Аха иаргьы аӡә ишьҭахь саагылап ҳәа згәы иҭаз уаҩӡамызт.
Аиҳарак ҭыԥ изымҭоз Ажәанба уахык игәаҵаӷара лкылжәаны
иԥҳәыси иԥҳаи аашьҭыхны, шашәаӡ-гәырӡ дынкылахәаша
дцеит» – ҳәа.
Убри Андыба иакәхап Гәында – бла-маахыр дызҭыԥ­
ҳаугьы…
Ацаргәыш Никәала дудыруазар акәхап... – дҵааит Шардын.
– Уи абчараҳ дыззымдыруада! – Ҳаџьараҭ ихы-иҿы ааихалашеит.
– Убрии сареи дук ҳаицәыхарамкәа ҳанхоит.
– Аиеи, аиеи, уҩны сымнеицт акәымзар, издыруеит. Уи
шәҳабла салсны егьарааны ашьхахь бназара сцахьан, Никәала
сицны.
– Никәала акырынтә уӡбахә сеиҳәахьан, иахьа акәзаарын
ҿҳәарас иамаз ҳаибадырра. Ара аԥсхәраҟны сахьааиз…
Мамсыр рыцҳа дҳауа гәакьан, абра уагьызбеит. Шьҭарнахыс
ҳаибабара ҳархьшәашәарым.
Еихьышәшәа-еиԥышәшәа икылсқәаз аҽқәа ларгаҩаргон,
аԥхӡы рыладырбон. Аӡаԥшь-иԥа арахь дмааиӡакәа, хәдаҟала
длаваланы аҩныҟа иқәиршәт. «Ааи, ааи, ааи. Ус ами? Усоуп!
Ааи, ааи, ааи – убасҵәҟьоуп!» – ахәхәа дқәыԥсычҳауа амра­
ҭашәара дназыԥшуа иаҳҭынра дазааигәахон, игәарԥ иқә­гылаз
аԥсеилачра дуқәа дахьрыхәаԥшуаз, лахьхьи амшын иӡаа­
гылоушәа рсахьа ӡааибалон.
Акьахьбеи Ашьхарԥеи аӷды-мыдыҳәа еицәажәо Уазаџьара
амҩахәасҭа ианыршәланы инеиуан. Ари абнараҟны уажәыҵә­
ҟьа арҭ рышьҭыбжьи аԥхьарылара згәы иҭаз аҵарақәеи рыда
шьҭыбжьы уаҳауамызт. Ус-ус, аԥсабара ԥхын қәаршҩыла
аҽыкәаба-аҽышьшьы ацәара аҽазнакуан. Уи агарашәа азыр­
ҳәон аҟармаҵысқәа.

Доусы рыҩнаҭақәа рҟны уаха зегьы злацәажәоз имҩаԥысыз
аҭарчеи акәын.
Аахьхьи инрыжьыз аԥсхәра агәарԥ? Ицәырҵәаны, ачыс
цәынха-мынхала ихҟьаны уажәыгьы алажәқәа рхатәан. Ар
рычуанқәа абысҭа хыбжа-ҿыбжақәа рҭаҩа, ихаххала-хаххала
ана-ара игылан.
Аусқәа рааишьа зеиԥшраз ала хаирк ҟалап уҳәо иҟамызт.
Аҵаамҟәыл бжьатәон аҳҭынреи Кьахьааи рыбжьара. Уи арԥ­
сасира ҳәа иашьҭаз маҷын, зегьы рхы ргәырҩон. Аамҭа, аамҭа,
зегь зымчу аамҭа…
Шардыни Ҳаџьараҭи гәҭыӷьӷьала еицәажәо ицон. Аамҭа
еицызқәыӷәӷәо ауаа реизааигәара мариаӡоуп, урҭ рыгәқәа
лассы иааидылоит, џыршәа еилаҟацаӡа иҭәоит.
Амалуааи – аԥсымҭәреи. Абар, абри адгьыл еиҵҳәа лахьхьи
амшын илҭарсны, ҩахьхьи Ахәҵаҟынӡа Аӡаԥшьаа иртәуп. Уи
анцәа ирзишеит. Умҵаакәа урахә-ушәахә нҭаҵеи! Ҳаӷеиҭа, уахыршьаап. Иҿархха инаганы амра цаҳә-цаҳә инцәҿарҳәалон,
уа иҿаҳәазааит. Изтәу дааны иҳаза ишәар, игап.
Ма рымеида умамкәа дара ирыҵкару ҵла наак ашьапы аихаԥсыхә нахьырси, ма уи абнаршәыра илоу шәарахк
унашьҭаԥши! Ашәарахгьы дара иртәуп! Ажәа рымакра ацынхә­
рас иреихырхәон, руара иашьҭан анхацәа. Рыдгьылқәа наделла иқәаарыхуан. Рцақәа еиҵарпапа ирыздырҭәуан, ахыхшьых иаанхоз рцакьанҿаақәа инҭарԥсон. Нас дара ҭауадаа,
анцәа иуџьшьоуп рҳәон, анхацәа ирыџьшьоуп ацынхәрас.
Акәуа абӷа иахоу амсеиԥш ацәқәа рыхәда џьаџьахеит,
анхацәа рнапсыргәыҵақәагьы – убас. Рыхәда инықәырҵаз
ауӷә иахьамшаҽнынӡа иқәуп. Хьаа рымаӡам шьҭа,. аӡаӷьақәа
хбалахьеит, урҭ мсахахьеит. Иахоит ԥшьаала, инаргоит, ирыз­
дырӡом аидара ахьнарго. Урҭ рыбла анаахт инаркны ауӷә
инаҵаркын, уа иаҵакуп, ус иаҭахуп. Убас иахоит ауӷә, ирыцахоит анхацәагьы.
Реидарақәа ахьнарго, ахәы зҵиааны иҟоу анапсыргәыҵа
ҟәымшәышәқәа аарԥылоит. Еиҳау инаҵарҵоит, уи азы анхацәа
рылахь еиқәырҵаӡом, мап, иреихырхәоит, ирыхәлаччоит
рыԥшәмацәа. Избанзар, уи анцәа иџьшьоуп, урҭ роуп изша.

Уажәы адунеи аҟны рыцҳара дук ҟалазшәа акәын, рлымҳа
ҷытбжьы авшәар ҳәа ишәаны ишыӡырҩуаз Ешыра иаланхо ауаа. Ара амацара акәым. Акырџьара ақыҭақәа рҟынгьы
инарылаҩ-аарылаҩқәеит аҭауади анхаҩ ҷкәыни еиндаҭлеит
ҳәа. Измааноузеи? Анцәа игәамԥхо ҟауҵар, иуанаижьуам!
Раԥхьа иргыланы, анхаҩы ихаҭа дзакәу идыруазароуп. Алым
аҭыҩрахь ацгәы неиуам, дара акыр еиԥшуп аха.
Ҳабҩынӡагьы инкылҟьеит ари ажәабжь, Никәала илымҳа
инҭишьит Шардын. «Е-е-и, сабиц, уа аиакәым ҟалагәышьеит», –
иҳәеит ашәарах рабчараҳ Ацаргәыш. – Уи уаҩеилых димаӡам,
егьи ацәықәыззагьы – хьи захьӡу ззымдыруа. Е-е-ҳ гәышьа,
– нациҵеит.
***
Абар, хмыш цеит инҭакәкәа. Ҭынчроуп. Иҟаларызеишь, ана­
џьалбеит ҳәа ауаа рҽеибыҭаны ишыӡырҩуаз икарахеит.
Аҳҭны ашҭа ҭбаа неи-ааи агӡам. Аха аԥаса иамаз алахтра
ацәыӡуа иалагеит.
Шьыжьла, хәылбыҽхала ара иҽыжәҵлоит зҭеиҭԥш бзиоу,
зынарҳа дуу Ачаа, Маршьанаа – Аӡаԥшьаа рашьцәа. Амӡырха
иаақәгылоит, Ач-ԥҳа лнапы ыргьежьуа днарԥылоит, аха аԥ­
ҭеиқәаҵәа зҿачыз амра даҩызоуп. Аԥшәмацәа – Омар, Алықь­
сандр раԥхьа инагыла ашәшьырахь рҿынархоит рҟамчқәа
ыркәаталеиуа икны, аха шьтәак ахы хырԥа еиҿыҟьҟьа инаганы икнарҳауа убом, амаҵурҭаҿ ҭынчроуп.
Итәоуп дара уа аԥсаҵла ҳаракқәа рыҵаҟа арымӡаа игылоу аҟәардәқәа рҟны, аишәа еиҵҳәа иахатәоуп.
Ааи, узацлабуагьы дудыруазароуп, уаӷеимшхара! «Ххьит»
– инкажьцәалоит, тыгә-тыгәҳәа рҟамчқәа уа инышьҭарык­
шахуеит, иахьтәоугьы иркуп дара рҟамчқәа. Нас хьшәашәамхьшәашәак рыҽналагӡаны инҽыжәлоит, агәашә илҭыҵуеит.
Наҟ-ааҟ ирыбжьгоу ауардын мҩа агәыдыҳәа инанылоит, ус
ианыршәланы иҟәынд-шәындуа ицоит аҽцәа, иахьааз.
Аахьхьи, ишәахха илеиуа ашьха ӡиас Гәмысҭа ахықә аҿы,
иҩышьҭых ахәыԥшӡаҿы амжәаҵлақәа зкәыршаны игылоу

ахьатә кәасқьагьы аԥасақәа реиԥш алахь ччом иахьа. Хәыл­
ԥазыла ачамгәыр ашәа аккаҳәа иацырҳәо уаҳауам аиҳә­
шьцәа.
Ашьац иаҵәараҿ аффаҳәа дшьацәхартәуа ддыркәашом
рашьа Ҳаџьараҭ.
«Хар ҳамаӡамкәа ҳааигәышьон. Ачуан ду – аӷьӷьарагьы
дууп, ҳзацлабуа зусҭқәада ҳара ахәашақәа», – ахәхәа дқәыԥ­
сычҳауа амӡырха дықәын ан Раҳаима. Уажәы-уажәы алада
аҳҭынрахьы дыԥшуан, ақәабшәшәыра лалҿысуан. Лыԥҳацәа
ракәзар – ус. Мра зқәымԥхо агьылшәҭ иаҩызан – изылашомызт агәараҭа.
Ҳаџьараҭ акы иуашәа, акы иҳәошәа ибаҳчара дҭан, деиқә­
пата. Иаабац Акьахьба ҷкәын дабаҟахыз.
Аԥшьымш рзы, амра аӡы илӡаагылоны еиԥш, Акьахьба
игәа­раҭа ҿымҭ-ԥсымшьа ҭаҳмадацәақәак ааҭалеит. Аҽыҩҳәа
рлабашьақәа ларсны иааикәагылеит.
Амаҵурҭа иаадәылҵыз Раҳаима лхы-лҿы акыҷыра ианыз
аҟара нацланы, деиҵаӷәӷәа лҿаалхеит. Арыцҳара анузааигәахо
уҭахызаргьы агәашә аркы, уҭахызаргьы иарты.
Хьыб Ҟасҭеи, Каӡ Шәлиман, Аҩӡы Баҭа – ацәгьа ыҟа, абзиа
ыҟа изазҵаауаз, анҷа аҵаҟа илатәеит аԥсшәақәа анааибырҳәа
ашьҭахь. Ҳаџьараҭ дыҟаӡамызт, уи иаҳагьы еиӷьын.
– Аԥсрада хәшәызмам акгьыҟаӡам рҳәоит, дад! – иааиз иреиҳабыз иакәхап, Ҟасҭеи илабашьа ааирҟаҵымыҵын,
ххьит ҳәа дынкажьцәан, ажәа ахы аацәыригеит. – Аҽагажә
ҳаԥ­шьахтыгоуп рҳәоит еиԥш, уара уалага рҳәан, абра ажәа­
қәак сҳәоит, Раҳаима. Рабацәа арыцҳақәа ыҟазҭгьы арҭқәа
шәыбжьамлар ҟаларын. Урҭ ҭаҳмадцәа бзиақәан. Абырг шьахә
дахьыҟоу аҩнаҭа анцәагьы дахылаԥшуп рҳәоит, ҳарҭ. аџь­
магәара иреицәоу аџьма азынхоит ҳәа… Схы азоуп изысҳәо…
– Ус умҳәан, абзиара уқәзааит, Ҟасҭеи, ааи, гәышьа, –
лҳәеит Раҳаима.
– Аҷкәынра, аихымхәыцра, уи иҽеим џьара акаҟны икылнагар ҟалоит. Бара, дад, быԥҳәыс ҟәышуп, Раҳаима. Ацәгьеи
абзиеи акырқәа ббахьеит. Ауаҩы иҿаԥхьа дурҽхәар акалашәа
иҟалоит, быххь згеит, аха…

– Ухабзиараз иуҳәоит, нан, абзиара зқәызааша…
– Ибылшо рацәоуп абри иахьа ҳазлацәажәо, апылҳаҭ
иҳалаҳаз аҭыԥ ақәҵараҟны, ааи, дад, ибылшо рацәоуп, абри
аадыруеит азоуп ҳҽынканҵо, абарҭ иббо бара бҟны ҳзааиз.
Быҷкәын бҳәатәы хеиҵоит, ҳнапаҟынгьы даабгароуп. Ҳажәа
ахы ахьцо шьҭа еилыбкаауеит. Аигәылацәа шәынхамҩақәа
ԥхасҭамхароуп. Абри ауп ҳзышьҭоу, дад.
Зафас ҳәа аӡәы днарҳәы-аарҳәуа дрыпҟозаарын. Сна­
шәыр­ҳәыргьы – Зафас соуп, саашәырҳәыргьы – Зафас соуп,
иҳәон ҳәа акы рҳәоит еиԥш, ҳарҭ егьаџьара ҳнадырҳәыаадырҳәыргьы – ҳара ҳауп, ҳанхацәоуп, дара – дара роуп.
– Исымдыруеи, нан, гәышьа, шәнапаҟны сыҟами, аинаалароуми, уаҳа акрысҭахума, – лҳәеит Раҳаима.
– Аиеи, убри аинаалара ҳара зегьы ҳаиҳагьы бара
боуп изҭаху. Ара ҳара ҳауп иҟоу уажәы, дара рыжәлантәык
дҳацӡам, сажәа анцәа хара иумышьҭын. Ач-ԥҳа дзакәугьы
ҳамдыркәа. Уи лыбз амаҭ ацҳар, амаҭ ауп иԥсуа. Аха иҟаҳҵари,
лҳәатәы ҳазааироуп, мамзар, аичырчара ада хык лыманы аабом, уи илҳәақәаз зегьы ара иабаҳҭаху, аха, аҷкәынцәа уа
иаанкылатәуп.
– Иаашәҳәо акы ҳахыԥом. Иааҳадылҵозаалакгьы ҳад­
гылоит, – дааӷьаҵәыӷьаҵәит ан.
– Ааи. Ишәцәуадаҩхозаргьы шәадгылар, шәныҟәнагап
ҳгәахәуеит.
«Ишәцәуадаҩзаргьы, ишәцәуадаҩзаргьы!.. Изакәызеи,
ана­­џьалбеит, иҳадыргало?» – аалгәахәт Раҳаима
– Аиаша аԥсы даргылоит, рҳәоит. Шәынхамҩа қьаԥҭажәхар
шәҭахым, Ҷыжә рыцҳа иҵәҩаншьап еиқәырхатәуп, аҷкәын
иласра далгатәуп. Абри зегь ҳзырҳәо, дад, наҟ иакәым акы
ацәаара аабоит азоуп. Уи баргьы ибымбакәа быҟам. Аӡаԥшьаа
реиканра уаҩы имгәаӷьыцызт. Ачаа, Амаршьанаа, Амаанаа
уҳәа архнышьнеиԥш зегьы еишькларшьуп. Аҳәынҭқараа рҟны
ражәа нагоуп. Нас, ҳара Акаӡбақәеи Кьахьааи урҭ ҳгәаԥхом
ҳҳәар, аӷба амызгәыҭ зкыз ҳаиҩызахоит. Рҽышьапхыц ҳлаҵа­
дырҟьацып…
Ибмаҳаи, быҷкәын аҭауад иҟамчы аԥҵаҵа шхиҵәаз, анхаҩы
ихьчаразы. Уи ишәаны идырзақәом акәымзар, згәы иахәаз

рацәоуп. Убри иҟалаз азы аинраалара ҳәа ҳгәы ишҭаз ауп
аҭарчеи атәы шацлаз. Уаҟа ирҳәақәом, аха ахысрагьы ҟалеит.
Аҭауад илахь ада ԥҵәаны, иуаажәлар рҟны дызцәырымҵуа
аҩныҟа дцеит усҟан.
– Ааи, ааи, уи ҽеи зхылҵуа акәзар ҳамбакәа,
е-егьди, – иаадырӷызит иҩызцәагьы.
– Нас, дад, ус анакәха аинаалара зырцыхцыхша шәара
шәоуп, аара зду шәара аншәакәха.
– Аа, мап зҳәада, нанраа, уи ҳҽазаҳамкзи дааҳәынгьы
дҳазхьамԥшитеи Ач-ԥҳа, иҟасҵари, – дааӷызит ан гәаҭеи.
– Лара убас лҳәеит. Иаҳҳәап иаахтны…
– Ааи, ааи, ус еиҳа еиӷьуп.
– Лара убас лҳәеит. Абыржәы уантә ҳаауеит ҳара. Кьахьаа шынҭаацәоу, аҷкәын даламҵакәа, шәыла рыҽҭаҳәҳәаны,
ашьыжь ашара акыр шагу иааины абра ҳҳаҭгәынажәқәа ирҭа­
тәааит ҳәа.
– Нын! Аалҿыҵҟьеит Раҳаима.
– Аҳҭынра анҿыхо, ҳаныҩагылалак, ҳнышәынҭраҟны иматанеиуа иҳашьапкааит, иаҭаҳамҵаразы, нас ҳаԥшып, лҳәеит.
Абасоуп, дад, – иҳәан, Ҟасҭеи длеиқәыԥсы длатәеит.
Ус итәоуп зегьы. Рхы шьҭыхны изылҿаԥшуам Раҳаима,
Ҟәрааныжәк ҟыруа наҟ инырхысны ицеит. «Ҵәит» аҳәеит анҷа
иаалатәаз ҵысӷракгьы. Ашәшьыра агәарԥ иахаԥеит. Ажәқәа
ҟаауеит, шьҭа игәарлозар акәхап.
Излыхәамԥшуеи Раҳаима, аҭак раҳар рҭахӡами? Ҿыцха
ишьҭаԥшуеит. Итәоуп, итәоуп.
– Ач-ԥҳа – Ач-ԥҳа лоуп, дыԥҳәысуп, аха лыҷкәынцәа, лха­
цәарԥар иахырҳәааи?! – лхы ҩышьҭылхит Раҳаима.
– Урҭ ақәҿырымҭӡеит! – аарла иааҿахиҵәеит Ҟасҭеи.
– Иазыраззар акәхап, нан, Ҟасҭеи. Ач-ԥҳа убас сызлаҳәа,
акы агмыжькәа, акы ацымҵакәа, ишаауасҳәаҵәҟьо еиԥш.
– Ааи, дад, ааи!
Ҳашҭаацәоу ҳақәбхуазаргьы убри была иабараны быҟа­
ӡам ҳәа лаҳәа! Егьирахь, ҳара хара шҳадымгьы зегьы ҳазы­
разуп, шәҳабжьаҟаза. Мап, абри исҳәаз ауп, шәеиҭаца ҳәа
шәалҳәозар, шәмаан Ҟасҭеи, ишәџьысшьом, шәхы иақә­нашә­

мыргаша саргьы исықәнашәмырган! Шәааиуазар, бзиа­ла
шәаабеит, шәааи амаҵурҭахь акака аанышәкылап. Ҳазла­цәа­
жәаз аҵыхәала уаҳа ҳәатәы ҳамам. Ари уаҩы иҿы иҭыхны
ииҳәо ажәам, шәадымгыландаз…
Аҭаҳмадацәа ашьшыҳәа иҩагылан, рлабашьақәа ныҵакшо
агәашә илҭыҵит. «Иаԥсам, ҳцарым сымҳәази!», «Уи ус ишы­
ҟалоз уаҩы идырратә иҟан, Раҳаима уи еиԥш ахыларҟәра
лхы иаҭәалшьомызт», «Нас уажәраанӡа ус шәҳәаӡомызтеи,
уажәоума…», «Еи ауаҩы дахькаҳауа идыруазар…», «Иара
Ҳа­џьа­раҭ имаҳароуп, лара дыԥҳәыс ҟәышуп иалҳәарым,
ииҳәои?! Дара ҳҳаҭгәынқәа ирҭатәааит рҭахызар, иҳәап»,
«Акәац абаарахьы ахы анархалак егьа џьыка ақәуԥсаргьы башоуп!» – абас еицәажәон алмҩанык абыргцәа.
***
Раҳаима даалаган ацҳаражәҳәаҩцәа лышьҭит аҳҭынрахьы.
Иҟалозар ҷкәына гаӡак иоуп даҭарымҵааит, ҳара ҳаигәы­ла­
цәоуп, изеилыӡаауа уаам ҳәа.
Дара шацәшәоз еиԥш аусқәа ҟамлеит. «Гәнибархарак ҟа­
лазар, иҷкәынцәоуп, еинаалап, даара уаҩы хьаас икуа иҟам,
Акьахьба дшаҳбац даабоит иаргьы убас ҳаибалааит», – рҳәеит
аҭакс.
Аринахыс аԥсшәақәа рыбжьало, маҷмаҷ ирыбжьашәыз
аҵаа ԥсасиуа иалагеит.
Ауаагьы хәыҷыхәыҷла ари рхашҭуа, уи анаҩс иҟалақәоз
ажәабжь ҿыцқәа инрылацәажәон, аамҭеиԥш мчы змоу акгьы­
ҟаӡам, уи ахәрақәа зегьы арӷьоит, нас ахәра ҿыцқәа цәыр­
нагахуеит умҳәозар.
Ус-ус ишнеиуаз, хәылԥазык, Акьахьба игәарԥ иааҭалахт
Ӡаԥшьаа рҽышькылкҩы Каӡ Шьрыфи игәыла Хьыбба Џьгәаҭи,
Баз Хакәыцәи. Омар иааишьҭит. Араԥ сирхәҳааит, изыԥсоу
абри ҳәа инақәиҵозаалак ахә исҭоит, иҭахызаргьы суахьад
дрылаԥшны шаҟа ҽы иҭаху игааит, имуӡозаргьы сҽызгьы
сгәыӷь­уеит ҳәа.
– Сара исҭиуа, исыԥсахуа ҽы сымаӡам. Араԥ саб иџьынџьны
исымоу акоуп! – уа иааҿахиҵәеит. Иан дыҟаӡамызт.

– Уара, шәара шәынхацәоуп, шәабаҟоу рҳәо шәынҵәааит,
сара соуп шәзыдгылаша, акәт хы аума ишәхагылоу?! – иҳәан,
ргәы рымахьха ишьҭит.
«Иаб иџьынџьны имоуп, агәарԥ иқәигаӡом», рҳәеит иахьнеиз аҳҭынраҟны.
Омар уи зынӡак иимырҳаӡеит… – Акьахьба иҽгьы, иара
злахиоу амаҭәагьы неидкыланы исзаашәымгакәа арахь шәыҽ­
сышәмырбан. Хус иақәиҵозаалак садгылоит, аҿҳәа­ра абри
амш ҳәа исиҭааит. Шәца абыржәыҵәҟьа! – еиҭадәықәи­ҵеит.
– Уи аҵыхәала арахь шәысмацәажәан. Шәара аҭауад
шәицәшәаны аҩ шәыҵалоит, сара шәсыцәшәаӡом, ыы?! Сҽы,
скәадыр сымхны иганы иҿашәыжьуеит. Сара шәашьа соуп,
арахь сыгәхьаа шәкӡам. Аиашьа иоуп изыдгылатәу, шәара
ашәик­кақәа!
– Уанаџьалбеит, Ҳаџьараҭ, уара ҳазуцәшәозеи, аҽы аахәа­ра
ҳәа ауп ҳзааишьҭуа. Аҽы зыԥсоу ахә ақәҵа, уи иахьа еиқәыр­
шәаны имамзаргьы аҿҳәара ҳаҭ. Ҳара хәдықәҵара аауеит! –
рҳәеит.
– Ааит, шәысԥырҵ наҟ ҳәа шәасымҳәеи! – иҳәеит Ҳаџьараҭ.
– Уи шәара шәеиҳа сара иҟазшьақәа бзианы издыруеит. Уи
уажәы ҳара-ҳарала ҳаичирчарц, иакәым ҳалибахыр ауп ииҭа­
ху. Шәысҭыҳә, ишәысҭом аҽы! – иҳәан, дрыҵаҳәҳәеит наҟ.
Адырҩаҽны ахәылԥазы, даҽа ҩыџьаҟа нарыдгаланы: –
шәца абыржәыҵәҟьа, иҽы имхны иаажәга, иаашәымгар, иар­
гьы шәаргьы шәааидкыланы шәыхәҵәышьап кьашӡа иқәс­
хуеит! – иҳәан, урҭгьы дыҩрыҵаҳәҳәаны идәықәиҵеит.
Иаахт арахь. Араԥ аанда иадҿаҳәалоуп. Ҳаџьараҭ иани
иаҳә­шьцәеи икәшаны, иҟаԥшь-ҟаԥшьӡа арбаӷьқәа реиԥш ан­
ҷа аҵаҟа еиҿатәоуп, еидшыланы иҳәоит.
– Ҳаџьараҭи сареи ҳаигәылацәоуп, амцажәла
еимаадоит, уи ҳаиуанк саҩихуам сара, аха шәара аҳәашьа
шәақәымшәозаап акәымзар! – абас узааицҳауеит дырҩегьых.
Иҽаҿишьаауеит умбои дахәхааит, иҭа абааԥсы, ҳуҳәоит, ахә,
аҿҳәара наҭа, – иӷьаҵәы-ӷьаҵәуа иҿаԥшуеит.
– Нан, маҷк абра шәаатәа. Ҳаргьы ҭаацәашәала ҳааи­
цәажәоит, уажәы ҳаауеит! – лҳәан, лыхшара лыманы акәасқьа
ааҵрахь дцеит Раҳаима.

Анцәа иҳәар, шьҭа аусқәа бзиахар ҟалап, Раҳаима лҽала­
лырхәт, уи акаҟны даалгоит. Шьҭа агәыӷра рыман ацҳаражә­
ҳәаҩцәагьы.
Ус, еишәара-еиҵараха аҭаацәа ааит:
– Иаауазеи, нан, Аӡаԥшьааи ҳареи ҽабаак ҳабжьамӡо
ҳаҟам. Абар аҽы зтәу аԥшәма дахьыҟоу, шәиацәажәа? – лҳәеит
ан, лыҷкәын длыманы анҷа аҵаҟа данаарыдгыла.
– Ишәысҭоит Араԥ. Ахәгьы абри ауп, аҿҳәарагьы абри ауп.
Ахԥатәи амҽыша ниасны аԥшьбатәи амҽыша алыбааԥшразы
сҽы ахә ара иҟазароуп. Сара ҽыда сышмаҭәам жәдыруеит.
Ахә шаасоулак, сцоит сара наҟ, Нхыҵҟа – саб иара ахьааигаз
Ҟабардаҟа. Уахьтә ашьацқьа злоу аазгоит. Ԥарада уахь цашьас
исымоузеи, убри аҿҳәара исҳәаз аҽны аԥара сықәшәыршәа.
Мап анакәха, ахә анизмырхиа (ҽык ахә акәым, ауахьад неидкыланы иааихәозар изилымшахуеи, аха иара ус иҟазшьоуп)
усҟан, сҽы шыжәгаз еиԥш, икәашакәашо сгәарԥ иааҭажәгалоит
убри аҽны.
Ижәга, ихы аҟәақҳәа иҩаниҟьааит! Шьҭа ҽыҳәҵәыла еисуагьы уаҩ димам. Атах-атахҳәа исны икәадырмахақәа,
иуаҭәақәа цәырҵәаны ианыҟанаҵоз акәын! Уажәынахыс иара
имаҵ аулап. Акәадырмаҭәа адкыланы исымҭакәа, ус иаб иныс!
Сара садкыланы сиҭахӡами?!
Убри ауп. Сара стәазы сышәмырааԥсан. Сҟазшьа шәым­
дыруеи, амц збеит – сыԥсит ауп.
– Аиеи, нан дукәыхшахааит, иуҳәаз раҳаит, ахә шԥоузаа­
рым­гои, уаргьы аҩызак уԥшаап, даалахҿыххеит ан рыцҳа.
– Ҳаиуанымзар иҟоузеи, ҽабаак умоукәа, иатәамбашәа
ҵәык налаиршьшьит Џьгәаҭ .
– Уара аҽқәа ртәы абоудыруеи, уи аҵкыс уцаны џышк ааурыхлар, уи иаҳа имариоуп! – аҭак ныҟаҵеит Ҳаџьараҭ. Аччара
аха змаӡамыз ауаа ааибарччақәеит.
Иҟалаз уи ауп. Џьгәаҭ шықәсык зны аҳәынаԥ дыркит. Дыркит моу, ԥсцаха ирымҭо дыхҭаркӡеит. Аҳәынаԥкыга хамсаҟәк
ҟаиҵан икит, икит, арымӡаа икит, аха узыхәои, ишааиц иаауеит. Игәы аныԥҵәаӡа, ҳәынаԥ дук иикыз агаз ҩақәҭәаны амца
нацраирсит. Аҳәынаԥ шиашаз аҩнаҵаҟахь, уантә аца ихәнеит.

Дара ахыбрақәа зегьы еизааигәаны игылан. Иҩықәыццышәаа
иагеит.
«Схыбрақәагьы срылгеит, аха даргьы кьоу зҳәо акыҟаӡам­
кәа иаақәсхит, ус ауп ирықәнаго», – иҳәан, инапқәа ааигәы­
ҵаԥсаны длатәеит Џьгәаҭ.
Ашықәсан еилаблыз иҩнра аҭыԥ аҿы аџыш наганы
илеиҵеит. Цәгьа ианаалеит, аџыш хқәа ҭаҷкәым бзиак иаҟара­
хеит. Аҟәараш еиԥш иҵҳәаны иахьеиқәыжьыз ҽуаҩык даавалан уамашәа ибаны дазҵааит, абас аҽаҩра бзиа аарыхшьас
иауҭазеи ҳәа
Џьгәаҭ деиҿамсӡакәа аҭак ииҭеит: «Аа, уи мариоуп. Ҳәынаԥы
заҵәык аанкыланы агаз ҩақәҭәаны амца ҩацраурсуеит ауп,
уаҳа акгьы аҭахӡам», – иҳәеит.
…Уи акәхеит, Кәыдры зырмақаруа Мтҟьал ауп ҳәа, зегьы
зырмақаруаз Араԥ нықәырԥало-аақәырԥало аҳҭныҟа ирыма
ицеит.
Аихымцеи ашьанҵеи еиҿасуеит
Уажәшьҭа агәыла-азла акыр еиқәтәақәеит, идмырӷыӷкәа,
аусқәа ԥшьаала рҭыԥ иқәло иалагеит. Аха Ҳаџьараҭ дзашьцылом ҽыда аныҟәара. Апҟара-апҟараҳәа ҽуаҩык дниасыр, ила
ҭраа дизыԥшуеит.
Арахь апҟацаҳәа ҟамчышьҭыбжьык гар, ихәи-жьы қақаӡа
иҩагылоит. Напыда-шьапыда адәы иқәхаз диҩызахеит. «Ум­
хәыцын, нан, аҽы шҳаурыз даҽа бзиарак ҳауандаз», – лҳәон
ан. «Ус акәхап, ус», – иҳәон иаргьы.
Аҿҳәара змоу мааир иабацо. Амзк захьӡызгьы нҭакәкәа
инҵәеит. Абар, иккаӡа иаашеит – аԥшьбатәи амҽыша. Амра
ҵлакашәара иҩеит. Хәдыши Дамшәи аху-су ишуа агәашә ахь
еихом.
Шьыбжь ааит. Шьыбжь хыҵит. Агәашә ахь ҭынчроуп.
Ус дшуазыруаз амра лҭагьалеит. Нас ҽырххыла Ҳабҩыҟа
ауаҩы дишьҭит Никәалеи Шардыни уаҵәы аҩны имааикәа
рымуааит, аказы исҭахуп ҳәа. Иаргьы дшеиқәҵәиаашоз

ианааилахәла ихы нықәиҵеит. Даара акраамҭа днаҳәы-аа­
ҳәуан, игәашыра дахаԥжәо. Нас иҽирҭынчырц аҟармаҵысқәа
дырзыӡырҩуа далагеит, аха урҭгьы ирҳәоз мыткәмоушәа игәы
иасуан.
Дшуазыруаз, цәгьала иааиршеит. Абар шәахьоуп иахьа. Амш
абла хтым, ишәахшәашьуп. Ахьышәҭҳәа дҩаҵҟьеит. Дзыԥхьаз
иҩызцәа дырзымԥшӡакәа, иҽеилкәыцәаа иҽеилаҳәаны
агәашә дынҭҟьеит.
«Уажәы, сашьцәа анхацәа, аҽы сымхны, хәдықәҵара уны
изгаҵәҟьаз реисра иаҳа имариоуп. Аха еиӷьуп, слеины сҽы
ахьҭагылоу аҽҭра иааҭыганы иаазгар. Абри здыруан азоуп мап
зыскуаз, изрысымҭоз. Акәзааит! Уи аахыс сҽы иахьи? Акымзарак акы. Ирхәмарзаргьы пату ақәҵаны, иҭаргыланы иман. Омар
аҳаиуан иԥсеиԥш иԥхьаӡоит, ауаҩ иеиԥш ҳаҭыр ақәиҵоит.
Анамысдақәа! Аӡәы ихабаргьы симырбеит. Сҽы дақәтәаны
аҳә­сахәыҷқәа далареиҽырбоит. Сара скьацә-кьацәуа шьа­
пы­ла сдәықәуп. Маахырбла-Гәында илаҳаргьы ишԥалҳәои?
Аҭа­­уад анхаҩы дыршәаны иҽы имхны игеит. ӠареихытарМаа­хырбла, абри ахьӡ лнаалоит лара. Дықәынҵәааит, дабаҳ­
заанага! Даара еиҿамск лоуп. Дызхылҵыз уаҩеибагоуп рҳәоит.
Ашьҭроуп иҟоу. Омар иҽыз дуӡӡа заҟароузеи, аха Араԥи иареи абеидукыло, Араԥ ашьа иалоу хазуп. Сааҭышәынтәалар,
уигьы сналышьҭамԥшрызи. Аԥсеивгаха сырҭомеи Аӡаԥшьаа!»
Ҳаџьараҭ анахь-арахь егьиҳәа акәымкәа, дышиашаз аҳҭынра
длеин, длықәыԥш-ҩықәыԥшит, амаҵуцәа гылахьеит, шьыжьхьа архиара иаҿуп.
– Дабаҟоу шәыԥшәма! – аӷьеҩ рыхиргеит ахәуцәа.
– Аа, абыржәыҵәҟьа абна аӡы днырит. Ирласны саауеит
иҳәеит, – Омар дызлацаз Гәымсҭа аӡиас ахь рнапқәа надырххеит.
–Абрахь сыӡбахә ала акы иҳәо, акы далацәажәо шәмаҳаӡеи,
шәара ахәура изҭымӡааз ашәиккақәа?! – днарҿаԥшит зыҿ­
қәаҵәҟьа цқьа аӡәӡәаха змоуц амаҵуцәа.
– Мамоу, акгьы ҳмаҳацт!
– Иацы, жәацы уҳәа, ҳгәылацәа Ахәларбақәа, Акаӡбақәа,
Акәыркба уҳәа арахь аҳҭынрахьы уаҩ дмаиӡеи?

– Мап, уаҩԥсыкгьы арахь ихабар ҳамбеит.
– Аҳыҳ, шьҭа исылырхи, рхабар шәдырбо, егьиуа!
– Омар дзықәтәази данцоз?!
– Уҽы иааихәаз Кәанталеи дақәтәаны дцеит, – иаанапыр­
ҟәыҷит дара.
– Иарбан Кәанталеиу, сҽы уи акәызма иахьӡыз?
– Уи ахьӡ иԥсахит, убас ахьӡиҵеит иара. Иара итәуп шьҭа,
ииҭаху ахьӡитәып, – амаҵуцәа иреиҳабшәа иҟаз Ҳаџьараҭ
дааиҿаӷаӷеит.
– Ахьхьаҳәа ахә сиҭеит, шьҭа иара итәуп, ахьӡ иԥсахит! Уи
саргьы сыжәла иԥсахыргьы ауеит, уажәы, ҳааишьа зеиԥшроу
ала акәзар. Шәнеины Алықьсандр дшәырҿыха! – Уи Маршьанаа рахь сасра дыҟоуп!
– Шәнеи аҳкәажә дшәырҿыха!
– Ҟоҳ, ус шԥоуҳәо, Ҳаџьараҭ?
– Шәца сҳәеит, мамзар анцәа иныс иахьа…– Ҳаџьараҭ деи­
лашәо далагеит.
– Уи еиԥш ҳара иҳалшома. Ач-ԥҳа дышԥаҳарҿыхо. Аҳкәажә
бҿыха, бгыл ҳәа игәаӷьны излалаҳҳәарызеи, лара ианлаамҭоу
дгылароуп акәымзар! – уамашәаӡа ирбеит.
– Мамоу, абыржәыҵәҟьа шәнеины дшәырҿыхароуп! –
иааирӷьеҩит Ҳаџьараҭ.
– Даҳзырҿыхом, уаргьы унаҳашьҭуам! – рҳәан, рҽаадырӷә­
ӷәеит. Ани аԥасагь иҵегь зыбжьы ҩаҳаракны ицәажәоз ама­
ҵуҩы еиҳабы Ҳаџьараҭ имҩа икышашәа дааиҿагылеит.
– Усҵәҟьоу?!
– Ааи! Уаҩы иимгәыӷьыц ҳзыгәыӷьуам ҳара!
– Ус акәзар! – иҳәан, иԥырагылаз дҩышьҭыхны дырҳәҳәа
дылкыдиҟьан, днеихысны аҳҭынра ахан ахь ахалараз
иҿыҩеихеит. Амаҵуцәа руаӡәы уи дынивҟьан, аԥссы дкәаруа
дҩыхәнан Ач-ԥҳа дахьиаз ашә дасуа далагеит:
– Аҳкәажә бхаҵкы! Аҳкәажә бхаҵкы! Бҳарҿыхом ҳҳәан,
аха Акьахьба иуам, иуҵәҟьом! Ҳаишьуеит, ҳанирҵәоит! –
иҳәеит дӷызы-ӷызуа.
Аҳкәажә ас ианлаҳа, ашырҳәа лхыза лхы иааҭарԥаны
ахышә аартны, лхы аакылалкит.

– Узусҭада уара, алаапк еиԥш ашьыжь шаанӡа арҭ ирылагьежьыз?! – ҿыцха длаԥшит.
– «Сызусҭада», сыбдыруазар аҟара бҽыбзымдырааит! –
дҩалыҵаԥшит иҟама ахы кны.
– Нан, Акьахьба ҷкәын, ари адунеи ҟьаҟьа ду узамкуазеи,
иуҭахузеи ҳаҩны уақәлартә, уаазцазеи ас шаанӡа?!
– Убри саазцазгьы бдыруазар аҟара бҽыбзымдырааит! Изнеимгеи сԥарақәа?!
– Иузнеимгахкәа, зынӡа иуимҭар иҟауҵашази убри аҽабаа
ахә?! Хышә уахьад арха иқәҵаны иҳамоуп, иуҭахызар, уҽы
ацынхәрас иуҭаху, шаҟа уҭаху аарылхны ига!
– Шәҽуахьад шәхы аҟәақҳәа ианышәҟьааит!!! Сара шәтәы
сашьҭаӡам, са стәоуп исҭаху. Абыржәыҵәҟьа иаасиҭароуп!
– Ашьа ицаша ада иалагылом! Иуимҭар иҟауҵарызеишь,
аԥҳәысеиба лыҷкәын заҵә?!
– Исимҭар, дахшьны дыбсырбап!
– Уара, сыҷкәын убри дахшьны дысурбозар, сара усҟан уи
анышә дасҭом!
– Дабымҭарызар баб биԥҳам! – абригьы иҳәеит, длықә­
ҵәиаан, Гәымысҭа аԥшаҳәахьы ихы ирхеит. Уа дшаваз, амрагьы лхагьежьит.
Дзыԥхьаз иҩызцәа Никәалеи Шардыни ҩахьхьи, иҩны
Раҳаима илыдтәалоуп, иара авырвыр еиԥш деикәагьежьуа ара
давоуп: «Ашьа ицаша ада иалагылом ҳәа салҳәеит аҳкәажә.
Саргьы бзиа ласымҳәеит аха. Аҭырқәа итәазы ихы ԥиҽуан
ҳәа, сара стәы сақәдырӡуеит, ас уаҩы иаҳахьоума!»
***
Ҳаџьараҭ иишьыз аӡымаҭ аӡшәах цқьа ашьеиқәаҵәа
хыршәланы, агәышҵа ӷраҷкәынӡа, еилаҵәиуа акыр иланагахьан еиԥш, нырцә апыҟҟаҳәа ҽыла аӡәы аӡы дааҽԥынгылт.
Ахьышә­ҭ­ҳәа уахь илаԥш наиршәит. Уи Омар иакәын. Аҟәантәи
дгьежьны Араԥ дақәтәаны згыгцәа ргыланы еибахеибафоз
аӡы дааҭалан, даарны Ҳаџьараҭ дызвагылаз аҵла данаавала,
Ҳаџьараҭ ашырҳәа даавҟьан, аӷәра нҭарс иааникылеит. Аҽы

«хәырр» арган, инеиҭаԥеит азныказ, нас имахәар инафҩыаафҩын иаақәырқәырт.
– Иҟоуҵои уара, уеилагама?! – дааҵҟьеит Аӡаԥшь-иԥа
– Уҽыжәҵ арахь! – дааиҿагылеит Акьахьба.
– Ҳаи, сышԥаҽыжәҵуеи?! – иҳәеит Омар.– Ушԥаҽыжәҵуеи?!
Аҿҳәара иамаз узымдырӡои?! Сара сажәа сааҭк иахыԥар
шыҟамлоз узымдырӡои?! Сҽы угеижьҭеи абар уажәшьҭа мызкы ҵит, исфом, изжәуам, изџьабоит. Аԥарақәа науҭиизҭгьы,
ҽык сашьҭаланы иаазгон. Аԥарақәа наумышьҭит, сыла ҭраа
амҩа сыԥшуп, аԥара анузымгәаӷь аҽы ургьежьында!
– Сыҽқәа уа арха иаважьуп иуҭаху га! – иҳәеит Аӡаԥшьиԥа.
– Уи арха иаважьу уҽқәа уԥсы иҟәаҟәаса иамоуп, сусс ирылоузеи?! – иҳәеит Ҳаџьараҭ.
– Ҳаи, иумуӡахт Акьахьба, иусымҭаӡар ишԥоуури?
– Аа, ус аума? Ус ауп уан аҳкәажәгьы илҳәаз, шәеибадырны
шәыҟазаап! Сара соуп иатәажәымбо. Ишԥазуа, умбои? –
иҳәан, Ҳаџьараҭ дууаӡа дыԥан атазҳәа аҭауад имахәҿеи
иаӷә­реи ааидгәаланы икит. Аҭауад иарӷьа напы иакыз аҟамчы
ҩышьҭикәыцәаан апҟацаҳәа Ҳаџьараҭ илеихиҟьеит. Даазазамазеит Акьахьба, аха иҽиҟажеит, дазкамыжьит. Иԥсы анааивига иикыз имахәҿа аумыжькәа, еиҳагьы далаԥсны иаанкыланы, иҽеибыҭаны длеихан, дылҽыжәиҳәеит. Аҽы неиҵԥан,
аӷәра иҭаԥало иааҳәны ирзыԥшуеит.
Ҩахьхьи Акьахьба игәарԥ анҷа аҵаҟа, иан дуазыруа Ацар­
гәыши Ашьхарԥеи дрыдтәалоуп. Игәаҟ-ҵәаҟуа, иуазыруа иара
изыԥшу.
Иааиҵагьежьын, аихамцеи ашьанҵеи реиԥш атах-сахҳәа
иҩеидыслеит, иааидыԥеит. Ус дырҩегьых еизааигәахо-еизааи­
гәахо, ҩ-бӷабк анеизыҵҟьо еиԥш, аҿаҩ-саҩҳәа иааинҟьеит.
Нас иҩеибакын, адгьыл ҭадырҽылома уҳәо ицәырҵәаны, еид­
шылаӡаны аиқәԥара иалагеит.
Анахь икыдибаҟьо, арахь икыдибаҟьо ишааиуаз, Омар
иааи­зыманшәалаханы иаӷа ихәцә ааиԥыхьашәан, иҩҵикааит.
Уа дладԥсыланы арӷәӷәара далагеит. Цгәык аныршьуеиԥш,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 04
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2390
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3456
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3422
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2379
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2445
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2334
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3376
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2332
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3415
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2363
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3389
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2415
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3458
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2393
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3392
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2392
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3433
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2439
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3435
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2310
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3388
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2365
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2342
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3451
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2385
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3456
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2380
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3399
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2338
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3467
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2403
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3468
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2281
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3548
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2374
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3499
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2299
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3500
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Аҩбатәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 1205
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 841
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.