Latin

Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01

Süzlärneñ gomumi sanı 3393
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аҧҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
Аҟәа 2010

АНАТОЛИ Возба

Иҩымҭақәа
Ҩ-томкны

Аҧҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
Аҟәа 2010

АНАТОЛИ Возба

Иҩымҭақәа
Актәи атом
Ажәабжьқәа
Апиесақәа

Аҧҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
Аҟәа 2010

Анатоли Возба. Иҩымҭақәа 2-томкны. 1-тәи атом.
Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа. Аҟәа, 2010. – 504 д.

А. Возба иҩымҭақәа 1-тәи атом ианылеит ажәабжьқәеи апиесақәеи.

© «Аҧҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа», 2010

АШӘҞӘЫҨҨИ УИ ИААМҬЕИ
Ашәҟәыҩҩы дцәырызго, дӡырызго зегь раԥхьаӡагьы аԥсабара инаҭаз абаҩхатәра шакәугьы, иҟоуп ихадароу даҽа фақт­
кгьы. Уи кыр зымчу, зегь «злаго», аԥсҭазаара абырҵкал икылзхуа аамҭеиқәшәара ауп. Ашәҟәыҩҩы ицәырҵреи ибаҩхатәра
агәылҭәаареи рҿы иҵарадырреи, иинтеллеқти, иԥышәеи рнаҩ­
сгьы уасхыр ӷәӷәаны изыҟалоит иара дызлиааз, дызтәу еила­
шәа-еилыҵуа аамҭа. Избан акәзар, уи ишьҭнахуеит аԥсҭазааратә
проблемақәа, аҟыбаӡыбақәа, иаагап аполитикатә, асоциалбза­­заратә, акультуратә ҭагылазаашьақәа хаха ирхылҵуа агә­­
ҭын­­чымрақәа уҳәа жәпакы. Ус анакәха, иуҳәар алшоит ашә­
ҟәыҩҩы Анатоли Баҭа-иԥа Возбагьы дцәырызгаз, амҩа изҭаз
аҭоурыхтә еикәшара иаҟәырҷахоу аамҭа ауп ҳәа. Уи дызлиааз,
дықәзыргылаз аамҭазы шаҟа ииашаны иҳәазеи изаамҭанымкәа
зыԥсҭазаара иалҵыз, аҟыбаҩ ҷыда змаз ҳҵарауаҩ ду Владимир Аҵнариа абарҭ ажәақәа: «Абри аамҭа (ХХ ашәышықәса 50тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа ауп дызҿу – Р.Қ.) аԥсуа литература аибашьрашьҭахьтәи ауадаҩрақәа ахганы, иаанамыртыцыз,
уаанӡа иазымҳәацыз, идуу акы аҳәарц аҽазкра, аҽеибыҭара,
изыхьӡази изхьымӡази еилырго, ацәамцәақәа каԥсо, агәаӷь ац­
қьара еиқәырхо, арҿыцра ианаҿыз акәын, даҽа етапк ахь ианхалоз акәын. Убасҟан аҟара аԥсуа литература аҟыбаҩ ҿыц­қәа
аланамгалацызт».
Ааи, убарҭ аҟыбаҩ ҿыцқәа цәырызгаз аамҭа закәу, аҭоурыхтә ҵакы иамоу иахьа еиҳагьы еилыхха уаҩы ибарҭоуп.
Иарбан аамҭаз уи? Абар, уи ахаҿрагьы. 50-тәи ашықәсқәа
ҳанырҭалагьы акырӡа иӷәӷәан атиран Сталини уи икомандеи
акәылӡы зкәыршаны, ахы залымҟьо ирымаз административкомандатә система. «Ажәлар раб» иқәрахь дышнеихьазгьы,
атәыла зегьы аҩ иҵацаланы, ажьаӷьырҩага икылхны икын,
насгьы залымдарак збеит, иҟоуп ҳәа аӡәы иҿы изеихыхуа-

мызт, еиҳарак анапхгараҿ иҟаз ауаа. Арахь ишьаарҵәыраз
ашықәсқәа гәнаҳала еиҵапапа иҭәны амҩасра иаҿын. Иагодеи, Ежови, Бериеи рыԥсцәаҳа чаалақәа миллионҩыла ауаа
цқьақәа, ауаа нагақәа дырххьан, уи ахыхьгьы заҟаҩы амахәҩа
иқәыргыланы џьаҳанымҟа иҭарԥшуа ирымааз!..
Абри аамҭазы аԥсуаа ҳзын еиҳагьы ишәарҭан, ҳҭоурыхтә
лахьынҵа, ҳаҟазаареи ҳаҟамзаареи ахәыц-па иакын, ҳҟазареи, ҳнаукеи, ҳлитературеи рҳәаақәа есааира идырҭшәон,
аԥ­сеивгаха арҭомызт. Уажәы урҭқәа уанрызхәыцлак иџьоу­
мшьарц, лакәк еиԥш ухаҿы имааирц залшом убасҟан ҳажәлар
ирхыргаз, ирычҳаз ахлымӡаах еиқәаҵәақәа, ҳашәҟәыҩҩцәеи,
ҳҟазара аусзуҩцәеи, ҳҵарауааи иҟарҵаз, иаԥырҵаз зларылдыршазгьы.
Ԥасатәи Ҳаԥсадгьыл ду Асовет Еидгыла «апикәын» иԥсҭазаара даналҵ, уи иарӷьажәҩа Бериа апалач лажә-хырԥа анизыру, ажәлар даара иаарныԥшыртә аԥсеивгара роуит, ҷыдала уи
еиԥш иҟалаз аиҭакра рнырит зыԥсадгьыл иахыргаз амилаҭқәа.
Рыԥсадгьыл иахырымгеит ахьӡуп акәымзар, аԥсуаагьы зҭад­
мыргылаз арбану 1936 шықәса инаркны 1953 шықәсанӡа! Урҭ
афақтқәа реиқәыԥхьаӡараҵәҟьагьы ухәы-ужьы қақаӡа еиланаргылоит.
Аамҭа еиқәшәара иҟанаҵаз аиҭакра ҳажәлар рҭоурыхтә
лахьынҵазы иаҵанакуаз рацәаӡан, амилаҭ залымдарақәа ишьа­
қәырхаланы изкыз рахьтә жәпакы дырҽеит, инагӡаны акәым­
заргьы, урҭ иарӷьажәҩас ирымаз аӡәырҩы макьанагь рҭыԥқәа
рҿы ицхлымуа итәан, рполитикатә ус хәымгақәа рынагӡаразы
аамҭак, мгеимцарак анбаҳауришь ҳәа ихиан. Ус шакәу ибылгьны
иаҳәоит август 14, 1992 шықәса – ҳгәылацәа «хазынақәа»
рхаҿ­ра аазырԥшыз аибашьра хлымӡаах.
Убри аиҭакра – 1953 шықәса нахыс ҳтәыла зегь аҿы иҟалаз, ҷыдала аԥсуа жәлар рҭоурыхтә лахьынҵа инарҵауланы
азхәыцра шаҭахыз даҽазны еиԥшымкәа агәра днаргеит. Урҭ
рыԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿы амч ҿыцқәа цәырҵуа иалагеит
рхы-рыԥсы иақәгәыӷуа, агәалаҟара бзиа рыманы.
Абри амилаҭ гәалаҟара сара хаҭала сымҩашьо избеит, иснырит 1954 шықәсазы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә инсти-

тут аҟны ҿыц иаадыртыз аԥсуа факультет иаднакылаз 50-ҩык
аԥсуа хьыбҿар рыблақәа рҿы. Урҭ зегьы рхы-рҿы иаҳәон изнылаз аҵарамҩа ҭакԥхықәрала ишахәаԥшуаз, ахықәкы бзиа шрымаз. Ус шакәыз настәи аԥсҭазаара ахаҭа иаанарԥшит. Абраҟа
аӡәы ҳәа дрылагылан Анатоли Возба. Уи ҳҵара раԥхьатәи
ашықәс азы арҿиаратә усура даҿын ҳәа иҳаздыруамызт, иахь­
цәыримгоз аҟнытә, аха нас иааԥшит, ҵәахышьа змамыз, ԥса­
барала анцәа илаиҵаз абаҩхатәра. Анатоли Возба дызлаз,
аҵара ицызҵоз иҩызцәа иаразнак еицгәарҭеит уаҩытәыҩсак
иаҳасабала имаз, ихаҭашьатә ҟазшьақәа злеибаркыз, егьырҭ
дрылызкаауаз ҷыдарақәак. Абар даргьы: уи агәыкреи аҟәыӷареи,
агәымшәареи зхубаалоз иблақәа ақаруа еимхәыц еиԥш иҭыԥ­
хаауан, уи ҭынч дануацәажәоз, жәабжьк, лафк, аниҳәоз шьар­
даӡа инаалон, ддырԥшӡон, деиҿыркаауан, дразӡа дҟарҵон.
Усҟан уи изыӡырҩра изаҟаразаалак гәҿыӷьрак, мамзаргьы
ааԥ­сарак унаҭомызт, еиҳагьы дугәанарԥхон акәымзар. Ари –
Ана­толи Возба ихаҭара алызкаауаз, ҩнуҵҟала иԥсабаратәны
илалахьаз, зшьапгьы зырӷәӷәахьаз уаҩытәыҩсатә цәаҩан. Аха,
аԥсуара лазырҟәуаз, иаԥырхагаз џьара акы изыхҟьалакгьы
илымҳа иааҭасыр, мамзаргьы харада-барада аӡәы диргәаар,
еикәымк изыҟаиҵар, уаанӡатәи иҿаԥшылара иԥсахуан, уимоу, ани илақҭа ԥшӡақәагьы ҵшәаауан, иџьбарахон, ихыиҿгьы
инеимазакны амца наҿатәон. Усҟан уамашәа дыӷәӷәахон,
иахьынтәааигоз узымдыруа мыч ҿыцк илалон, ижәылатәызаргьы, иқәԥатәызаргьы џьара акы дааннакыларым уҳәаратәы
еиԥш. Ари, ҳәарада, ахаҵара иацырҟьо, агәымшәара аазырԥшуа, насгьы ахы инаркны аҵыхәанӡа патриотизмла иҩычоу
хаҭашьатә ҟазшьан.
Анатоли Возба еицырдыруаз, зыхьӡ-зыԥша ыҟаз аԥсуа
шәҟәыҩҩын, публицистын, уаажәларратә усзуҩын. Уи ирҿиаратә усура анаҩсангьы еснагь аԥсуа жәлар рыԥсҭазаара
агәеилашра далагылан, уи иахылҵуаз аҟыбаӡыбақәа, ауадаҩ­
рақәа дрыцәхьаҵны бзанҵык дҟамлацызт. Ус шакәу, зегьы ртәы
ҳам-ҳәаргьы, шаҳаҭра ауеит агазеҭ «Бзыԥ» аҟны уи иикьыԥхьыз
– ақырҭуа еиҳабыра акыр шықәсала Аԥсны иазааргахьаз азалымдарақәа ртәы зҳәоз – аԥсуа интеллигенциа гәыԥҩык СССР

аиҳабыреи КПСС анапхгаҩцәеи рахь ирҩыз «Аԥсуа шәҟәы»
амацарагьы. Ииашоуп, усҟан апартиа Гәдоуҭатәи араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ Константин Озган ицхыраара шимазгьы,
дышидгылозгьы ари аҩыза агәаӷьра араионтә газеҭ аредақтор
ихаҭыԥуаҩ изы имариамызт, уимоу, изаҳамҳәарызеи, иԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргыларгьы алшон. Избанзар, усҟан Қыр­
ҭ­т әылатәи акомпартиа амаӡаныҟәгаҩцәеи аиҳабыреи абга­
лаџқәа реиԥш еиқәхаԥс итәан нахьхьиӡа аахыс аԥсуа жәлар
рзы иҟарҵоз аиҵаҟәаҟәарақәеи азалымдарақәеи аартны рҳәа­
ра, ркьыԥхьра аӡәы азин ирымҭартә еиԥш.
Анатоли Возба шәҟәыҩҩык иаҳасабала даныҩагыла инаркны иԥсадгьыли ижәлари риашареи рмилаҭ зинқәа рыхьчареи
рҿы шәара ззымдырӡоз, хьаҵра зқәымыз қәԥаҩын. Ус дзыҟази
ҳәа иџьашьатәӡам! Избанзар, дахьышәҟәыҩҩу адагьы, уи ижә­
лар дырдыруан Аԥсны асоциалтә еиҟарамра иаҿагылан иқәԥоз
рфырхаҵа Ҳаџьараҭ Кьахьба иаҳәшьаԥа гәакьа иакәны. Ари
агенетикатә фақтгьы – Анатоли Возба ихаҭара аҭакԥхықәра
ама­ны ашьақәыргылараҿы иаҳәо рацәоуп, ухаҿы иааумгарц
зал­шом.
Уажәы маҷк иадамхаргьы ҳалаԥш нахаагап Анатоли Возба ибиографиа аҟынтә еиҳа ихадоу штрихқәак.1 Анатоли
Возба диит 1932 шықәса маи 22 аҽны Гәдоуҭа араион Лыхны
ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы. Нестор Лакоба иажәақәа рыла
иуҳәозар, Лыхны ақыҭа Аԥсны иагәуп. Араҟа аҳҭынрас ирыман
аԥсуа жәлар раҳцәа. Иԥшӡоуп, игәазырҳагоуп Лыхны аԥсабара.
Еицырдыруа Кавказҭҵааҩы А.Н. Диачков – Тарасов иҩуан:
«Лыхнытәи иаатуа апанорама ссир еилыхха иуанаҳәоит Чачаа
абри аҭыԥ аҳҭынрас изалырхыз».
Абри аҭоурых ҭыԥ ашәҟәыҩҩы Анатоли Возба «иԥсадгьыл
хәыҷы» ауп. Абраҟа ауп уи иԥсадгьыли, ижәлари, ихатәы быз­
шәеи бзиа иахьибаз, рлахьынҵа дазхәыцуа, дахӡыӡаауа да­
хьыҟалаз. Ажәакала, абри «иԥсадгьыл хәыҷы» иԥсҭазаара зегьы хыҵхырҭас иман, идоуҳа арӷәӷәон, иҳәаақәнаҵон.
Заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз Анатоли Возба иԥсҭазаараҿы аџьабаақәа акыр ихигеит, ԥшь-класск рҿы дыштәаз
Уахә. Руслан Қапба. Анатоли Возба, Аҟәа, 2006.

иаб диԥхеит, иашьа Мышьеи иареи ихәыҷқәаны, иааӡатәны ран
Мкыд – Ҳаџьараҭ Кьахьба иаҳәшьа гәакьа – иаалымпыҵахеит,
аха уи акы лҽаҵамырхакәа лхәыҷқәа лааӡеит иҵоураны, насгьы аӡәы ичаӷьа иадымԥшылауа. Анатоли Возба абжьаратә
школ иқыҭа гәакьаҿы даналга, дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә
рҵаҩратә институт хыхь зыӡбахә ҳәоу афилологиатә факультет, дагьалгеит 1959 шықәсазы. Уи раԥхьаӡа аусура далагоит
аԥсуа рҵаҩ ду, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ П.С.Шьаҟрыл ихьӡ зху
Лыхнытәи абжьаратә школ аҿы рҵаҩыс, нас – жәлар рҵара
Гәдоуҭатәи араионтә ҟәшаҿы. Убрантәи диаргоит агазеҭ «Бзыԥ»
аредақциахь, зны литературатә усзуҩыс, аредақтор ихаҭыԥ­
уаҩыс, нас редақторс.
Агазеҭ «Бзыԥ» аԥхьаҩцәа бзиа ирбо, иазҿлымҳаны иҟалазар, зегьы раԥхьаӡагьы – зыԥсаҭа шкәакәахаша ԥасатәи
аредақтор Н. Лышәбеи иколлективи рроль изаҟаразаалакгьы
иламырҟәуа – изыбзоураз Анатоли Возба журналистк иаҳасабала иааирԥшуаз агәаӷьреи абаҩхатәреи роуп. Уи агазеҭ ада­
ҟьақәа рҿы лассы-лассы икьыԥхьуа далагеит ауаа мараҳәқәа
ҿаԥызҽуаз, ашьцылара бааԥсқәа, ҳаԥсҭазаара аҵабырг хаҭа
ицәырнагаз ирықәыӡбоз астатиақәа, афелетонқәа. Абраҟа
Анатоли Возба инишьҭарххны дцәырҵит Қыжә-иԥа ҳәа даҽа
журналисткгьы. Уи азнык азы аԥхьатәи иааимаикуа аҟынӡа
иаҳаҭыр шьҭыҵит аԥхьаҩцәа рҿаԥхьа, аха ашьҭахь излеилкаахаз ала Қыжә-иԥа Анатоли Возба иԥсевдоним акәзаарын!..
Ашәҟәыҩҩы агазеҭ аҿы иусура аамҭа рацәа ицәагоит, ирҿиара иаԥықәсылоит, насгьы изааӡарызеи, дарааԥсоит, даргәаҟуеит. Аха, убри инаваргылан иамоуп, даҽа бзиаракгьы.
Уи убри ауп дызлоу икәша-мыкәша иҟоу, ихьысуа аԥсҭазаара
аҵабыргхаҭа инарҵоит, ганрацәала дагәыланарԥшуеит, даҽакала иуҳәозар, инаҭоит иҩымҭақәа рзы шәыхкык рыла еиҿарԥоу, еицәтәыму, иара убасҵәҟьа хҭак еицҭазыԥсо, еизыразу,
еишьашәало ахаҿсахьақәа.
Анатоли Возба раԥхьаӡа акәны ишәҟәы ҭыҵит 1960 шықә­
сазы, «Кьахьба Ҳаџьараҭ» ҳәа хыс иаманы. Ари аизга Кьахьба
изку аповест анаҩсангьы ианылеит аԥсуа жәлар рҳәамҭахьтә
иаагоу ановелла хәыҷқәа, истудент шықәсқәа раан иаԥиҵаз.

Абраҵәҟьа иҳәазарц ахәҭоуп, ашәҟәыҩҩы қәыԥш Анатоли Возба раԥхьатәи ишәҟәы ианиҵаз иажәабжь кьаҿқәа абаҩхатә­ра
змоу, зыжәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа здыруа, насгьы ирҿиамҭа­
қәа рҿы ахархәара зылшо, сатирик-иумористны дшааԥшыз. Уи
исатиратә ҩымҭақәа гәыцә хаданы дыргәылсуеит Бадис ҳәа
фырхаҵак, икәша-мыкәша ауп иҟало ахҭысқәа ахьаабо, иахьцо. Изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз, абаҩхатәра еицамк
змаз аҵарауаҩ, афольклорист, алитературатә критик Артур
Аншба зынӡа ииашаны ишазгәеиҭаз еиԥш, уи афырхаҵа типологиала дизааигәоуп еицырдыруа Хәаџьа Шьарадын. Аԥ­
суаа рҿы зыбз цәгьаз, зыхшыҩ ҵарыз алафҳәаҩцәа ауаа иры­
ламҳәуаз, ма ацәгьа-мыцәгьа рзызуаз, ирзызҳәоз цәҟьарас
иҟаҵаны ажәа џьбарала ихьӡдыртәуан, ирхыччон, иҿаԥырҽуан.
Урҭ аҳәамҭақәа ажәлар рҿы ирылаҵәаны иаанхон сахьаркыратә ҩымҭак еиԥш ауаажәларраҿы ахшыҩрҵагақәа рыланы.
«Жьрацәарала» абарҭ ауаа дырзааигәоуп, рдунеи датәуп Анатоли Возба исатиратә жәабжьқәа рзеиԥш фырхаҵа Бадисгьы.
Уи ихаҿсахьала автор акыр хҭысқәа цәырганы иаҳирбеит,
аԥсҭазаара ду ахьеилашуа аҟынтә игәнаҳкылаша, ҳазхыччаша,
ҳазқәыӡбаша жәпакы.
Анатоли Возба аԥсуа литератураҿ дыӷәӷәаӡа далазыргылаз раԥхьатәи иповест «Кьахьба Ҳаџьараҭ» ауп. Убригьы
хадаратәла ажәлар рҳәамҭа асиужет ала иаԥҵоуп. Аха, уи иаа­
нагом аповест афольклортә ҳәамҭа иатәнатәны, автортә ха­
ҭара ацәмаҷуп ҳәа аҳәара. Мап, ас еиԥш иҟоу асахьаркыратә
ҩымҭақәа мазеины ажәлар рҳәамҭаҿы иуԥылаӡом.
Алитература аҭоурых иадыруеит имаҷымкәа раԥхьатәи
аҩым­ҭақәа рыла зҽышьақәзырӷәӷәо ашәҟәыҩҩцәа. Хара ҳазца­рызеи, аӡбахә ҳҳәап Иван Папасқьыр ироман «Ҭемыр».
Анатоли Возбагьы аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы аԥхьаҩ
дибартә, игәра игартә дцәырҵит иповест «Кьахьба Ҳаџьараҭ»
ала. Уи иаразнак аԥхьаҩцәа зҿлымҳара азыруит, автор ҿыц
дрыланарҵәеит. Ҳәарада, иара аҩымҭа зызку алегендацәа
зхалахьаз, ажәлар ашәа зхырҳәаахьаз афырхаҵа ихьӡгьы иҟа­
наҵаз маҷӡам, иацхрааит апрозаик қәыԥш иӡыргара аус.

Ашәҟәыҩҩы Анатоли Возба рҿиаратә ԥышәак (новеллак
ажурнал «Алашареи», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшьи», «Бзыԥи» ирниҵахьаз акык-ҩбак рыӡбахә ҳамҳәозар) имаӡамкәа ихатәраз ҩымҭала аԥсуа литература дналагылт анхаҩыжәлар рха­
қәиҭразы ақәԥаҩ, рсоциалтә еиҟарамра аҿагылаҩ, уи зых­гьы
ақәызҵаз афырхаҵа ихаҿсахьала. Ашәҟәыҩҩы дышқәыԥшыз
абас иактуалтәыз атема – Кьахьба Ҳаџьараҭ ихаҿсахьа даз­
хьазырԥшыз афақтқәа иреиуоуп: Акы, аҩада ишаҳҳәахьоу
еиԥш, Анатоли Возба ианшьа гәакьа иакәын Кьахьба Ҳаџьараҭ.
Уи иани иан лаҳәшьеи рашьа ихьӡ-иԥша рыҩнаҭаҿы иалкаахаз
ахатә культ аман, изнықәуаз ныхак иаҩызан. Урҭ рыҟнытә уи
изкыз, ихҳәааз, ихҭынхьаахахьаз ахҭысқәа, аҳәамҭақәа дхәы­
ҷы аахыс иаҳауан, гәадурак ирҭо, дшихаанымызгьы, дшим­
бацызгьы ибзиабара иланы изҳауан, афырхаҵа ихаҿсахьа есааира игәаҿы ашьҭамҭа ннажьуан.
Урҭ аиҳәшьцәа Мкыди Зизеи арҭ ацәаҳәақәа равтор хаҭала
идыруан, ибахьан, рчеиџьыка ифахьан. Урҭ, иҵабыргыҵәҟьаны, итрадициатәыз, ахаҵам-ԥҳәысра згымыз, ахьӡи-ахьымӡӷи
хәыц-хәыц ирышьклаԥшуаз, згәы ҭбааз аԥсуа ҳәсақәан. Бзанҵы исхашҭӡом, ҽнак санырҭаз, Анатолии сареи иҳалҳәаз уи
иан лаҳәшьа Зиза Кьахьба абарҭ ажәақәа: «Нан, сыҷкәынцәа,
ишәхашәмыршҭын, ауаҩы зегь реиҳа дзырӷәӷәо адырреи,
аиашареи, ақьиареи шракәу, аха урҭ ашәаргәындара анрывагыла, агәымшәареи, ахаҵареи анрыгха, ианрыцым, ауаҩы
иага дҟәышзаргьы, ихаҭара хьысҳахоит, дмаџьанахоит». Арҭ
ажәақәа рфилософиатә ҵакы шаҟа иҵаулоузеи!
Иҩбахаз, аҩны иаҳауаз рнаҩсангьы, Анатоли Возба зҿлым­ҳ ара азиуа далагеит ианшьа изкны ажәлар рҿы иаанха­
ны иҟаз, ҿырҳәала еимырдоз аҳәамҭақәагьы. Насгьы 50-тәи
ашықәсқәа раан Аԥсны Ленинтә милаҭ политика аилахәра иҟаз
аԥыхразы аус нагӡатәқәа анцоз аԥсуа жәлар рмилаҭ ԥхьаҟа­
тәи алахьынҵазы рықәԥареи рыгәҭынчымреи даҽаамҭанык
еиԥ­шым­кәа иҵархеит анаԥшааԥшырҭақәа аформа ҿыц аар­
хәеит. Убри аамҭазы, ҳсахьаркыратә литератураҿы ҷыдала
даҭахын иҭоурыхтәыз афырхаҵа. Уаҩы даараӡа дархәыцыртә
еиԥш иҟоуп Аԥсны жәлар рпоет, академик Баграт Шьынқәба

Ҳаџьараҭ ихаҿсахьа аԥҵара, зегьы ирбартә ацәыргара дзалагаз. Уи машәырны иҟалаз усым, амилаҭ доуҳала изырӷәӷәоз,
адаракәац, аԥашә ҵаулақәа шамаз лабҿаба изҳәоз афырхаҵа
дӡыргатәын алитератураҿы. Абри аҩыза хара ухьазырԥшуа,
узырхәыцуа, ахшыҩҵак Анатоли Возбагьы ихаҿы имааирц залшомызт Кьахьба Ҳаџьараҭ ихаҿсахьа иазкны алитературатә
ҩымҭа аԥҵара нап аналаик нахыс.
«Кьахьба Ҳаџьараҭ» аԥҵаразы ашәҟәыҩҩы акыраамҭа
аус адиулон, еизигон уи изкыз ажәабжьқәа Аԥсны ақыҭақәа
днарылс-аарылсуа. Урҭ рахьтә ашәҟәы аҟны аӡәык-ҩыџьак
рыӡбахә аирбеит. Ихарҭәааны, уанӡатәи аповест шьаҭас иаҭаны, ҿыц иҩу ари ароман аҟны имҩашьо иубоит автор заҟа
аус адиулаз, ҵкар рацәала еиласаз, насгьы Кьахьба Ҳаџьараҭ
ихаҿсахьа иацраԥшьны иааирԥшит Урыстәыла актәи ареволиуциа (1905–1907) аламҭалазы Аԥсны анхаҩыжәлар зҭагылаз
азалымдарақәа, азиндарақәа уҳәа жәпакы.
Аҩымҭаҿы ажәлар рҳәамҭа ҵаҵӷәыс иаҭаны гәыбылра дула даарԥшуп анхаҩыжәлар рсоциалтә зиндара лазырҟәуаз,
ҭауади-аамысҭеи аӷьараҳәа ирҿагылаз афырхаҵа ихаҿсахьа.
Ас цәымзаҵас иҩыҵхахаз аҵеи гәымшәа ажәлар рыбзиабара дырԥеиԥеиуа дышьҭнахит, рнапы дықәыргыланы дыркит. Иаркы-ирцә ҳәа адәы иқәыз аҭауад хамаԥагьа Ӡаԥшьиԥа Омар ихәура даҵамгылеит, имч-илшагьы дацәымшәеит,
аҳәынҭқар ихатәымчра аҭауад ишидгылозгьы дышьны абна
дылалоит. Ҳәарас иаҭахузеи, Ҳаџьараҭ еиликаауеит иара
дызнылаз амҩа аиааира наӡа шинамҭоз, аха агәра игон анхаҩыжәлар шарҿыхоз, изҭагылаз асоциалтә еиҟарамра анкьеиԥш ишзанымшәоз. Уигьы ажәлар рзы акыр иаԥсан.
Ароман афырхаҵа хада Ҳаџьараҭ аԥхьаҩ дибоит традициала ажәлар рҳәамҭахьтә иаауа афырхаҵара иалиааз, уи ала
иааӡаз аӡә иакәны. Уи махашьахалагьы доуҳалагьы иӷәӷәоу
фырхаҵоуп, машәыршақә акәӡам иԥа хәыҷгьы убри аханатә
аахыс ҳаԥсҭазаараҿы еилаӷьахьоу атрадициала диааӡарц
зиҭаху, дзашьҭоу, инасыԥымхеит акәымзар. Ҳаџьараҭ идыруеит аӡәык-ҩыџьак еиҿыркаауа, имҩаԥырго ақәԥара знымзар зны иаҵамхар шамуа, аха убри инаваргыланы имҩашьо

ибоит шәышықәсала иаауа афырхаҵара жәлар рыԥсҭазаараҿы рхақәиҭреи рхьыԥшымреи рзы зхы-зыԥсы иамеигӡо,
ԥхьаҟа изго ауаа аӷьеҩқәа шцәырнаго, ишеихьнарԥшуа амилаҭ
хақәиҭра-хьыԥшымратә гәадура рыманы. Убри аҟнытә урҭ
реиԥш иҟоу афырхаҵа аԥсраҵәҟьагьы иацәшәом, хаҵа усны
иахәаԥшуеит. Дара зегь реиҳа изыцәшәо хьымӡӷыла аҟазаара,
хьымӡӷыла аҭахара ауп.
Ароман аҿы Ҳаџьараҭ иаӷацәа рхаҿсахьақәагьы ҟазарыла
иаарԥшуп. Урҭ зегьыҵәҟьа шәаргәындацәаны иауҟаху. Араҟа
автор аепостә фырхацәа – ажәлар иаԥырҵаз – ртрадициа
дықәныҟәеит. Иҵоурам афырхацәагьы иӷәӷәоуп маха-шьахала,
гәамчла. Даагап ҿырԥштәыс Ӡаԥшь-иԥа Омар, уи изаҟаразаалак
мчыла, сахьала (чаԥашьала аныха чаԥа даҩызан) Ҳаџьараҭ
акы диҵахом, адау диҩызоуп. Аха иҟалаз уи ауп, амч ӷәӷәеи,
аԥшреи, асахьеи, ачаԥашьеи рымацара ирылшом ажәлар
рҿы ауаҩы дфырхаҵаны иҟазаара, уи иаҭахуп зегьы ирыцку уаҩытәыҩсаны аламыс амазаара, ажәлар рзы уҵоураны,
ухәарҭаны адгьыл ақәзаара.
Анхацәа уаас изымԥхьаӡоз, арахь имаҵ руларц зҭахыз
Ӡаԥшь-иԥа Омар дшыҟаз акәымкәа. Кьахьба Ҳаџьараҭ абри
ауп ихьыз, Омари иареи ицҭәаны, ирыбжьалаз, ирзеимакырахаз, атрагедиа зхылҵыз, аҵыхәтәан акласстә ҟазшьа аазхәаз,
аҭауади анхаҩи рымааибра, бӷьыцк рзеицықәымтәара зыхҟьаз.
Акласстә ҟазшьа анысҳәах, абраҟа иныбжьаршәшәа иазгәасҭоит даҽакгьы. Уи уброуп – иахьа ас ҳазқәымгәыӷӡоз аиҭакрақәа аныҟала, адемократцәа амчра анырга, акьыԥхь аҿы
иубауеит Асовет мчра шьақәгылаанӡа Аԥсны акласстә еиҟарамра ыҟамызшәа, ҭауади-аамысҭеи зегьы маалықьцәаӡазшәа,
мамзаргьы, Баграт Шьынқәба иажәеинраалоу ироман «Ахра
ашәа» аперсонаж Шабаҭ иеиԥш, рмилаҭ уаҵәтәи аԥеиԥш бзиазы
ихәыцуазшәа, ихьааргозшәа зҳәақәо, изыҩқәо. Ус агәаанагара,
сара сызлахәаԥшуа ала, ганкы мацарахь аԥшра ауп иаҳәо.
Аԥсуа ԥсҭазаара аҵабыргхаҭа ари агәаанагара иаҿагылоит. Ус
шакәу зырҵабыргуа афақтқәа иреиуоуп жәлар рфырхаҵаратә
ҳәамҭақәа инадыркны аҭоурыхтә документқәа рҟынӡа. Ус

зынӡак ҭауади-аамысҭеи анхацәеи рыбжьара икашырраны,
еицә­нымхо иҟаҵәҟьазҭгьы, усҟан изыҟаломызт ажәлар ашәа
зхыр­­ҳәааз Кьахьба Ҳаџьараҭгьы Салуман Бӷажәбагьы. Ус за­
ҟаҩы!
Ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа акласстә қәԥара, асоциалтә
еиҟарамра арахәыц ҟаԥшь еиԥш иагәылсны ицоит. Ари аҭоурыхтә ҵабыргхаҭа ухаҿы иаамгакәа уажәтәи ҳазҭагылоу
аамҭа иауаршәаны иансраалоит ҳәа уи ашьҭамҭа урӡыр, ма
иуԥсахыр ауама? Аԥсҭазаараҿы иҟаз ҵәахышьа амам, ҭоурыхуп, ишыҟаҵәҟьаз иацымҵакәа, иагмырхакәа иҳәатәуп, аҵабыргхаҭа еицаҳамкырц ҳаҿызар. Аха, урҭқәа зегьы араҟа
ицәырганы ҳазрылацәажәом, ҳҭоурыхи ҳлитературеи рҿы уи
цқьа иазхәыцны, инҭкааны иҭҵаатәу зҵаароуп.
Ҳаџьараҭ анхацәа убриаҟара бзиа ибоит, урҭ рахьтә дыҟоуп
ҳәагьы игәы иаанагом дзыԥсахуа аӡәы идамзаргьы. Аха, рыц­
ҳарас иҟалаз, урҭ рҩызцәа ахәаԥсақәагьы аԥсҭазаара иа­ҵ а­
ҵәахны иамоуп. Ҳаџьараҭ дышфырхаҵоу, анхацәа гәыкала иши­
ҭаху ҳанаҳәоит иара ихырҟьаны арыцҳарақәа ирықә­шәар ҳәа
дшәаны адау иаҩызаз ауаҩы иԥсҭазаара инапала иахьҿахиҵәо.
Ари иаӷацәагьы аԥсрагьы ириааиуаз фырха­ҵ аран.
Ароман аҿы аперсонажқәа, ахҭысқәа ирылахәу рацәоуп, урҭ
зегьы аҩымҭа иаҵанакуа аамҭа уадаҩ шьахәла иаадырԥшуеит,
насгьы еиуеиԥшым рҟазшьақәа, хықәкыс ирымоу аабоит, ҳәарас
иаҭахузеи, ароман афырхаҵа хада иԥсҭазаара иадҳәаланы.
Ароман «Ҳаџьараҭ Кьахьба» инарҭбааны ахцәажәара зҭаху
епикатә рҿиамҭаны ҳлитератураҿы иаланагалеит. Аԥхьаҩ
дзеи­г әырӷьо иреиуоуп абри ароман Москва ашәҟәҭыжьырҭа
«Со­ветский писатель» (1991) иахьыҭнажьыз. Уи аурысшәахь
иеи­ҭеигеит абаҩхатәра змоу ашәҟәыҩҩы Иури Лакрба. Аиҭа­
гаҩ, иациҵаз аԥхьажәа кьаҿ аҟны агәраганы иҳәоит аурыс
ԥхьаҩгьы Ҳаџьараҭ Кьахьба иԥсҭазааратә лахьынҵа игәаҿы
ишнеиуа, ихьааганы ишидикыло, избанзар, ажәлар уаҵәтәи
рразҟазы ақәԥаҩ фырхаҵа амилаҭқәа зегьы дырҭахуп, деи­
цырзеиԥшуп.
Анатоли Возба исахьаркыратә ажәа џьбароуп, иҿацоуп,
асаркьал еиԥш икаҩуеит аиаша аҳәареи аарԥшреи рҿы. Аиа­

ша ауп уи ԥсыс иахоу, насгьы ирҿиамҭақәа ирҷыда ҟазшьоуп
мҽхакыла имаҷны, ҵакыла аду дырҳәара. Урҭ акырӡа иу­
гәаладыршәоит, «краткость – сестра таланта» ҳәа А. П.Чехов
иеицырдыруа иажәақәа. Аҩымҭақәа рыркьаҿра ацәаҩа Анатоли Возба иҟазшьаз, ҟаимаҭла ирныԥшит игазеҭ статиақәа,
иочеркқәа, ифелетонқәа рҿгьы.
Аԥсуа журналистика аҭоурых ҭызҵаауа ауаҩы хшыҩзышьҭра
рзимурц залшом уи убри ажанр аҿгьы илаз аҟазара. Ашәҟәыҩҩы, ажурналист ирҿиаратә тематикаҿы ихадараны иԥхьаӡон
аамҭа дызҭагылаз, иааикәыршаны иҟаз аԥсҭазаараҿы атипра зуаз ахаҿсахьақәа рыԥшаара, рцәыргара, ирыгу, ирыбзоу
илабҿабаны, агәрагара ацҵаны аԥхьаҩ ирбара. Уи аханатә
ицәаҩамызт имилаҭ ԥсҭазаара «артаташьра», излаҟам ала арбара, арҽхәара, избанзар, ус аҟаҵара ишхырҳагамыз, ԥхьаҟа
уаҩы дшамышьҭуа идыруан. Уимоу, Асовет аамҭазы иҳалаҽны
иҟаз агхақәа, ашьцылара бааԥсқәа, ауаажәларратә ԥсҭазаара
иаԥырхагаз, зегьыҵәҟьа ишыҟаз иаартны аҳәара, аҩра «ианацәыԥхашьозгьы», «ианмодамызгьы», ианацәшәозгьы, Анатоли
Возба журналистк, шәҟәыҩҩык иаҳасабала ипозициа еснагь ииашан, иӷәӷәан, насгьы иԥшаауан игәҭакы аҳәараҿы аформақәа,
аиқәаҵәа ишеиқәаҵәоу ҳаҿиара ҳаԥсаҭазаара ишаԥырхагоу
исахьаркны ҳарбаразы. Абраҟа уи меижьарада мыруга хаданы иман, еиҳа ииашаны иуҳәозар, ихы иаирхәон «зҳәаақәа»
рацәак еицәыхарам асатиреи аиумори. Урҭ аҩбагьы «рхымҭа»
кашәомызт.
Аԥхьаҩ игәеимҭарц залшом Анатоли Возба ҟазарала иаԥиҵаз ииумортә, исатиратә, зны-зынлагьы илафтә жәабжьқәа рҿы ҳажәлар ԥхьаҟа рцара, рынхашьа, рынҵышьа ӷәӷәала
иашьклаҳәуа ашьцылара бааԥсқәеи, амҵақьақьареи, аӷьычқәычцәеи, аҵарҭышагаҩцәеи шәышықәсала ҳабацәа, урҭ рабацәа имырӡкәа абла ҷыц еиԥш, ихьчо иааргоз ақьабз бзиақәа
зҵазырӡырц иаҿу ауаа ҟырлышқәеи алкааны, насгьы рцәымӷра
ҳкыртә ишааирԥшуаз, дышрықәыӡбуаз. Ҵабыргуп, азнык азы
ҳаԥсҭазаара иамоу, излашьақәгылоу абзиара аганқәа имаҷӡаны илаԥш изыҵашәои ҳәа агәаанагара анузцәырҵуагьы
ҟалон, аха аԥсҭазаареи, ашҟәыҩҩы ицәыриго ахаҿсахьақәеи,

иқәиргыло азҵаарақәеи наҟ-ааҟ ианеиҿурԥшлак, «жьрацәарас»
ирымоу анализ азуны уанрызхәыцлак, имҩашьо иубоит автор
шәҟәыҩҩык иаҳасабала ипозициа заҟа ииашоу, иахәҭангьы
ишыҟаиҵо, жәынгьы-ҿангьы зыдкылара уадаҩу, аха аԥсҭазаара
иамоу ацәгьеи абзиеи реилыршәшәараҿы зда уаҩы дхәарҭам
ахатә критика.
Анатоли Возба, хыхьгьы џьара ишазгәаҭо еиԥш, ирҿиамҭақәа
рҿы имҩашьо иубоит аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа заҟа
дрызҿлымҳаз, мацқьа-шьацқьа урҭ рыхкаара «дышҭаччоз».
Ҳажәлар рдоуҳатә беиара аҿыгҳареи аҵаулареи аазырԥшуа
аҳәамҭа хьыршәыгәқәа уи исахьаркыратә ԥҵамҭақәа рҿы
ахар­хәашьа аформа рҿиҵаауан: Д.Гәлиа, М. Лакрба, И. Папасқьыр реиԥш иҟаз аҟазацәа дуқәа.
Анатоли Возба иҭынхаз иажәабжьқәа рымацарагьы имҩашьо
иаҳдырбоит аԥсуа жәлар рқьабзи рҟазшьеи даҽа милаҭк итәы
ишаламҩашьо, насгьы урҭ ҩнуҵҟала ишыцқьоу, доуҳала ишбеиоу, ирыгу ирыбзоугьы критикатә блала ахәаԥшреи, ахәшьареи
шрылшо. Ари аԥсихологиатә фақтор аԥхьаҩ ианаҳәо кыр ыҟоуп
Анатоли Возба ирҿиамҭақәа рҵаки рхықәки ииашаны ухаҿы
иааугозар.
Зырҿиаратә «лабораториа» лассы-лассы аҩымҭақәа дәылҵуаз шәҟәыҩҩымызт Анатоли Возба. Ҵоуп, ижурналистикатә,
иуаажәларратә усура, жәлар рфорум «Аидгыларагьы» убрахь
иналаҵаны, ицәыргоз аамҭа маҷӡам, аха ари амацара акәӡам
Анатоли Возба иҭыҵуаз ишәыҟәқәа аԥхьаҩ ибартә еиԥш аинтервал зрыбжьалоз. Уи мзыз хадас иамоу убри ауп – ирҿиара
иацәаҩан иҩымҭақәа ркьыԥхьра ахымыццакра. Избанзар,
аҟазареи аццакреи еимараны ибомызт, кредос иман – ахыԥхьаӡара аҵкыс ахаҭабзиара.
Аԥхьаҩ гәахәала идикылаз, еиуеиԥшым ашықәсқәа раан
иҭыҵыз Анатоли Возба иҩымҭақәа рҿы иаабоит уи ажәабжь
кьаҿқәеи ановеллақәеи раԥҵара дшазҟазаз, ишицааиуаз, иқәиргылоз азҵаарақәагьы еснагь актуалра рылан, апроблема
шьҭырхуан, ус ишшаӡа ицоз хҭысқәамызт автор дызлацәажәоз,
аԥсҭазаара ахаҭа иҳасабтәны, иӡбатәны иқәнаргылоз ракәын.

Уи имыруга хада – ибызшәа атәы ҳҳәозар, иазгәоумҭарц
залшом, уи иҩымҭақәа раԥҵараҿы ҟаимаҭла ихы ишаирхәоз
аԥсуа бызшәа иамоу абеиара, насгьы имарианы уҿаҿы иааиуа имырхьааӡакәа дыҩуан. Иҩышьа астиль, аформа шәышықәсала алитературақәа зегьы рҿы аԥышәара зыкхьоу ажәабжьеиҭаҳәаратә метод апринцип дықәныҟәон, иагьиқәҿион иа­
ра. Амала, угәы еихьызшьуа илитературатә бызшәаҿы абзыԥтә
диалеқт иамоу абеиара имаҷны иахьаныԥшуа ауп.
Анатоли Возба иаԥсуара ипатриотизмра, лымкаала ижәлар
гәакьа рышҟа имаз абзиабара ду – ахәышҭаарамца еиԥш еснагь ишаҳәшаҳәуаз еиҳагьы амҽхак аманы иааԥшит ақырҭуа
фашистцәа ҳдаракәац ықәырхырц ианҳақәла нахысгьы. Уи
редақторра ззиуаз агазеҭ «Бзыԥ» ианылоз астатиақәа (иара
егьырҭ авторцәагьы ирыҩуаз) зегьы аӷа хәымга иԥсырҭа иақәкны ихысуан, аиааира агара иазкын. Ашәҟәыҩҩы, апатриот
Анатоли Возба лацәеихаҟәысрак иадамхаргьы аиааиразы
длакҩакуа дҟамлацызт, агәра игон Егры аӡиас ахықәаҿ ишахаԥырԥыруаз Аԥсны Аҳәынҭқарра абиарҟ!
Ауаҩра зегьы реиҳа ихьанҭоу еидароуп, насгьы уи зегьыҵәҟьа ирзышьҭыхуам, изаҵалом ҳәа иҩуан ажәытәӡатәи Китаи философк. Иҵабыргыҵәҟьаны, аԥсҭазаараҿы ус егьыҟоуп,
еиҳаракгьы уи уаҩы ибарҭахоит ажәлар рҭоурыхтә лахьынҵа
аншәарҭоу, аҟазаареи аҟамзаареи хәдацәахьы ианеибаку
аамҭазы.
Сыззааиуа, аибашьра аан Аԥсны Мрагыларатәи азыбжак
хҵәаны рашьцәа Гәдоуҭаа ирҭан, ашьҭахь Гагра ахы ианақәиҭха,
уахь еихнашеит, еиҳа ԥсгарақәак роуит. Аибашьра иалагылаз
ҳажәлар ҩада иҟа, лада иҟа рнапы еикәыршаны (ибналаны
ицаз, иахьагьы «Изыхнымҳәыц» ракәым араҟа зыӡбахә сымоу!),
рҿаҵа еиҩшаны ирфон. Абри аганахь Гәдоуҭа араион иалшаз,
иалаӡаз даараӡа ирацәоуп. Уи хашҭшьа ақәым…
Абри аамҭа уадаҩ аангьы Анатоли Возба хаҭала, аԥсуак
иаҳа-сабала илиршаз маҷӡам. Уи ус иидыруаз, изааигәаз иҩыз­
цәа ракәым, зынӡа изымдырӡозгьы аӡәырҩы, «ихҵәацәаны»
Гәдоу­ҭа иҟаз, иахьынӡаилшоз агәцаракра рыгимыжьит, аӡәы
аџьықә­реи, даҽаӡәы аҭаҭынххы (уигьы змоур ззымчҳауаз ыҟа­

мыз) рызнеигаларын, даҽа шьоукых аҩныҟа игон, бысҭа ԥхак
рҿасҵоит ҳәа. Аамҭа уадаҩ аан, нас ухаҭагьы мазарала митәык
уаналаҟам, ас аҟаҵара мариам, мацара уи ауаҩ гәыҭбаа иоуп
изылшо.
Анатоли Возба ишәыҟәқәа аҩбагь еиднакылоит уи инапы
иҵыҵхьоу, аԥхьаҩцәа ибзианы ирдыруа, шәҟәыҩҩык иаҳасабала ихьӡ-иԥша шьҭызхыз исатира-иумортә жәабжьқәа, иновеллақәа, иповест «Кьахьба Ҳаџьараҭ», асиужет иалхны иҟаиҵаз
ароман «Ҳаџьараҭ Кьахьба», акьыԥхь зымбац илитературатә
ҭынхеи.
Аԥсҭазаара уҳәеит ҳәа… Зырҿиаратә усура еилашуаз, заԥхьаҟа ҳлитературазы иҵегьы ҟазҵараны иҟаз, абаҩхатәра змаз
ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы Анатоли Баҭа-иԥа Возба
дычмазаҩымкәа, дыбзиахәха дшыҟаз, машәырла иԥсҭазаара
далҵит ианвар 26 аҽны, 1994 шықәсазы. Ари цәыӡын аԥсуа литературазы. Ижәлар гәакьа лаӷырӡыла «дкәабаны», рхы-ргәы
далхны, дзыԥсаз ала ихцәажәаны, ианвар 29 аҽны Анатоли
Возба Лыхны ақыҭан, иабацәа рҳаҭгәын ҭыԥ аҿы, «унарцә мҩа
бзиахааит» ҳәаны, анышә днамардеит…
Ааи, иага ихьаагаргьы, ҳаԥсҭазаара ҳнапаҿы иҟам, ари
иуаароу адунеиаҿ ҳаиҳа зылшо амчқәа ирыдҳәалоуп, ахатә
ԥҟарақәа аманы. Амала, ауаҩы игәы збаауа ишьҭахьҟа иҭынхоу ауп. Абри аганахь Анатоли Возба иҭынхаз иҩымҭақәа
ыҟоуп ҳдоуҳатә ԥсҭазааразы рхатә ҵакы рыманы, ихьӡ-иԥша
дмырӡыртә еиԥш. Нас уи акәӡами ари адунеиаҿ ашәҟәыҩҩы
изыҳәан ихадароугьы.
Руслан Қапба

АЖӘАБЖЬҚӘА
«АБАРҬ РОУП АРАЗҞЫ ЗМОУ»
– Нас, Шьазина, уи иҩнреи-игәареи, инхашьеи-инҵы­
шьеи аӡбахә усгьы ибасҳәахьеит, – даҿын Ҭинаҭ, ларӷьа
напы атәарҭа абӷакыдҵарҭа иқәкны, егьи лнапала лабыҵәк
аҷҷаҳәа иԥыҵәҵәауа, лыбӷа аазырхәаны, лылақәа Шьазина
лхаҿы ԥагьа ԥшӡа иаларҟацаны. Ари уажәы дызлацәажәауа
аҵыхәала акыр аџьа шылбахьаз ҩашьомызт лцәажәашьала.
– Излоу ақыҭа усгьы иреицәамкәа ишыҟоу бдыруеит,
иреицәамкәа моу рыгәҭаҵәҟьа иалагылоуп. Иара аҵаразы
дхәыдамзар, аколнхацәа машьынарныҟәцаҩыс дрымазар,
нас уаҳа ибҭахи? Цқьа дыбзымдыруазар ҟалоит, қыҭак шәеи­
цатәым, аха иара усгьы шәнеиқәсырԥшхьеит, уаанӡагьы
бара дбымбахьази? Уаҩы еилҟьа-еилӷәыцәк, амца иақәуҵар
имбылуа аӡәы иоуп ҳәа зҳәаз бара боуми? Ус анасыԥқәа
шымариам бдыруазааит. Ииуазеи, аҷкәын зама­на, уи ус бна­
зыгәҭасуа ҷкәынаӡам, – Шьазина макьана ҿыл­ҭ уамызт, лхы
ларҟәны ҿыцха дышьҭаԥшуа дылзыӡырҩуан, аԥхашьара дааманакуа, маҷк аҭацара луазшәа.
– Ақәлацәа бзиақәа имоуп, иҩны анеиааи агӡам. Иан аҭа­­
кәажә ҳалали иареи роуп иҟоу, иаҳәшьцәа хаҵа ицахьеит,
ачеиџьыка азы рыԥсы ҭыхны иркуп. Бара быҽбырбзиар аҳ
иеиԥш шәыҟазаап, – абас Ҭинаҭ Шьазина дышлацәажәоз
аам­ҭа ықәҳа ицахьан иахьа еиԥш акырқәа.
Ииунтәи амра аҽны хәлаанӡа даара акыр зҽызшәахьаз,
уажәы агәы иауа-иамуа иннажьуан шьыжьы аахыс блахкы
рацәала изхәаԥшуаз Кавказтәи ашьхарԥыра ԥагьақәеи, амшын аԥшаҳәа аԥсабара беиеи. Ари амшын аҿықәаҿ ишьҭоу
абаҳча ссир, аԥсшьарҭа аҩны аҟны аԥсаҵла хкы рацәақәа

рыфҩы-хаа еилаӡҩаны абаҳча иҵагьежьаауа иҵан, уаҩы
ишьа-ида иалсуа, агәышьҭыхра ду инаҭауа.
Ахәылбыҽхатәи амра аҭашәамҭазы амшын ахьтә иаасыз аԥша ҟәанда, амра иннажьыз аҳауа цеи, афҩы хаа хкы
рацәақәеи еиларҩынтуа ԥшьшьала ашьхақәа рахь иаманы
аҿыҩанахеит.
Еизгәыку арԥызбаки ԥҳәызбаки, ихьҩеижь-цәеиқәараны
амра иабылхьаз рцәа ржьы, амра иаҭаны, аҟәара дук ина­
цәыхарамкәа афлыка иақәтәаны, ажәҩақәа аужьны, еишь­
шьылаҳаӡа иҭынчыз амшын ихтәалан. Арҭ афлыкаҿ иахьеи­
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3393
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3522
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2433
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3475
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2409
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3457
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3453
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2377
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3437
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2347
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3521
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2405
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3501
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2411
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3518
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2339
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3488
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2464
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2361
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2367
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3443
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2427
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3471
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2423
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3495
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2443
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3465
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2420
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3521
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3510
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3488
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2365
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3590
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2501
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3494
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2381
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3538
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2034
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3418
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2043