Latin

Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26

Süzlärneñ gomumi sanı 3440
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
зеиҭеиҳәеит уи ахлымӡаах ихигаз.
Ауаа ахьҭеи амлеи иннарҵәон. Леи, цгәи, ҳәынаԥи руеи
ршәаџьҳәареи акы умбаӡо икьашӡа инҳарҵәахьан… Амла,
амла, амла. Уахгьы ҽынгьы иказза ауаа анҵәара иаҿын,
бџьармызт изгоз урҭ, мап! Ахьҭа, амла, амла, ахьҭа – абри
акәын рыԥсбара.
Уаха уаа шәҩык рҽеикәаԥсаны подвалк аҟны ииар, шар
ашьыжь ааҩык-жәохәҩык ракәын игылоз. Егьырҭ зегьы еила­
раа имқәацаӡо уа иаашьҭахон.
Убас уахык уаа ҩажәеихәҩык, ҩажәеижәаҩык рҟынӡа
баракажәк аҟны ҳахьыҩназ хҩык ҳауп ашьыжь игылаз –
Ва­ниа, Николаи, сара. Ваниа уа Ленинградтәиин, аҭыԥқәа
идыр­уан. Аибашьра иалагаанӡа ӡлагарак ахьгылаз идыруан ашьыжь ҳиманы ддәықәлеит. Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш

Ленинград аҳәызба аҭреиԥш аӷацәа рыла икәыршоуп, уа
ҳҭагьежьаауа ҳҭоуп аҟароуп. Ҳдәықәлеит ҳкатилокқәа
ааҳашьклаҳауа, ачабаба еиԥш ҳачны ҳбабаӡа, ишьаҳау
реиԥш ҳгәагәо, неихыркәа ҳамамкәа ҳцоит абни аӡлагара
ҳәа зыӡбахә иҳәаз ахь, иара Ваниа ҳаԥхьа дгылоуп. Аҵа
ҳа­лапапаны ҳаркуп, аха аҽыбӷра зылшо дабаҟоу. Жәаба,
жәохә шьаҿа аныҟаҳҵалакь ҳааҭгылеит, аххы ҳнеидаҳало.
Кәамҟьа, кәамҟьа иаҳцырԥсса ҳамаҭәақәа цҟьаны иаҳшәуп.
Ҳмагә хәыҵә ҩагақәа ҳазҳашьхуам, ҳшьапқәа хаззыла ир­
ҭачны ирҭоуп.
Знык аӡлагараҟны ҳазнеигәышьар, ашә аркызаргьы
иааԥ­ҽны ҳныҩналар, џьара аҳәынаԥқәа ирцәынханы рыц
хәаша-машақәак ҳԥыхьашәаргьы иудыруеи, анаџьалбеит,
нас уаҳа разҟ ҳамаӡамкәа Анцәа ҳишама. Ус акгьы ҳҿа­
ҵахәымзар, ма аҩнуҵҟа мцак ҳзеиқәҵар, уи аԥхара ҳқьышә
инықәсыр, ҳҽынеиваԥсаны ҳмыцәози. Ааи, ахәылԥаз ааи­
лашәшәымҭазы ҳаԥсы ҳқьышә иқәкны ҳҽыҩнаҳажьит уи
иҟьаҟьаӡа иаартыз аӡлагара. Ҳәынаԥгьы ыҟамызт, ҵысгьы
ыҟамызт аӡлагара аҩнуҵҟа. Шьҭа гәыӷрас иҳамагәышьази.
Мцак ааиқәҵаны ҳҽынеикәаԥсаны ҳныҽҳәатәеит. Аԥхара
анҳалс, ҳҭаҳәахаа ҳацәеит, зымч маҷу ауаҩы ацәа дых­
ҭанакуеит ианакәызаалакь.
Сааҳәатматан, сааԥшит. Ашара иааҵалеит. Сыблақәа аар­
ҟәыҷшәа цқьа ианаахыст избази… Ваниа – чыӷьк шԥаҳ­моура
ҳәа ҳаргәыӷны аӡлагарахь ҳаазгоз дыԥсны дҟатмашьӡа
дышьҭоуп. Еихьажә-еикәыжә иҟаз еиқәа иуаҭәа ашшара
аҟныҵәҟьа иҭаҩаҿаӡа ижьы ҭыффаны иҟоуп. Шьа маҷкгьы
аҿататоуп. Инаҩс, аӡлагара аиаҳәа ибӷа кыдҵаны дыԥсны
дтәоуп Колиа. Ишьамхы икатилок аӡырҟәанда ҭоуп, Ваниа
иуаҭәа иҭирффаз ажьы ӡаауп, ихыҟаҟа-мыҟаҟаашәа иҟоуп.
Цқьа имжәӡакәа ифазаарын, изырсомызт. Иҳәсы-ҳәсуа, ипалыпалуа аԥсцәа аҵақәа рықәҵны ацара иаҿын.
Абас ауп, дад, аибашьра хлымӡаах иснарбаз. Сара лакә­
шәа сацәынхагәышьеит.
Ииун 30, 1986
Москва

АКИТЕЛЬ ШКӘАКӘА
(Сталини Лакобеи Мҷышьҭа аԥсыӡкраан)
Ҭацаԥшқашәа, иԥхашьа-ԥхаҵо ааԥынра ацәырҵымҭаз
акәын, аха кәыркәа хәыҷшәа амч ҭаҟацан. Уи иабзоуран
иаршәуаз ашәахәа цақәа ашәаԥыџьаԥ рцәа-ржьы илалаҟаца
иахьцоз. Урҭ еилаԥха иҟаз аҵла рда ссақәа ирҭахәмаруа, ладаҩада еилеиҩеиласуа ахәхәа-хәхәаҳәа иаханы аԥсҭаҵага
ӡыҷҷар рахәыц-ӡақәа хәныргон, аҩада иагәҭасуан лассы
апат­ҟәыр хәыҷқәа рылгаразы. Нас урҭ аҷҷаҳәа иааҟәыҷҷаны,
ҳаргьра руа, ибӷьиаҵәа ԥшқаха ркьатрацәқәа рымахәқәа,
иҩырхагылон. Рыгагақәагьы иҷапӡа дара рсахьақәа ҭырф­
фаҷа илх, ихырҷаны еиԥхьытта рыҵаҟа ашьац иаанхалон,
егьынеицыла-ааицыланы шәшьырара руан.
Аԥшьдәаны. Аӡиас еишьыл Мҷышь аԥшаҳәаҟноуп. Еив­
ҵаԥах какаҷ хьыршәыгәла иқәҵоу уи адәиаҵәа изаацәаны
иқашә-қашәо аҳаскьын ҿа ԥшқарах гылахьеит.
Аџьра, ахьацара, алра аҿыкәыршоуп, ҳәызбаҭрашәа иа­
лаҭаԥахуп уи млагәыр барақьаҭла еимгәадуу аӡиас Мҷышь.
Камбашь ӡсарашәа ицоит иара икашьшьы, еишьшьылаҳаӡа –
зегь зыхәлабго, аха арахь зызхара змауа амшын гәыҳәы ахь.
Ааи, уахь ауп аӡиасқәа зегьы рыԥсы рыманы иахьцо. Мап!
Рыԥсы уа иаԥылоит! Аџьал… аџьал… Изахьӡузеи аџьал?! Аԥ­
сра?! Алахьынҵа?! Аразҟы?! Аԥсцәаҳа?! Акгьы сыздыруам!
Егьыздырхьада!
Аԥшьдәаны. Зқьи жәшәи ҩажәеи жәаф шықәса! Шьа зланы иҟаз, унеишь-уааишь ҳәа ажәлар рҟны иззырҳәоз ауаа
уахынла, алашьцара еиқәа рхы иархәаны ҭоԥ-ҭоԥла ин­
хә­ҵашәкәа-аахәыҵашәкәа ианыӡуаз, џьаҳаным еиқәаҵәа
ашықәсқәа гәеи-гәеиуа адәы ианықәыз аамҭазы акәын.
Аԥшьдәаны. Усҟан аӡиас аашьа Мҷышьҭа амгәарҭаҟны
аҳра зуаз, ҵҩа змамыз амалагәырқәа арԥарцәа ҟатақәа
ираҟараны ҳҳәар ишыҟало ҳаздыруам, убас бзиа иааӡаааӡаны ицәгәырԥо иаман. Иҳәалмышьуа, изаза-мазо аӡиас
ҭынч аҿықә иаварыԥхыз ашәаԥыџьаԥ дацԥашәқәа инры­
ҵашьшьы-аарыҵашьшьуан. Зны-зынлагьы дара зҭажьу аӡ­

мыжь а­ҵаулара иҭамӡошәа рызқәа цәеиқәара-цәеиқәараӡа
ԥшахьысрак аҳасабала ажәҩан иҩаҵадырԥшырц иҩалдыр­
ҳәҳәа-ҩалдырҳәҳәалон, нас инӡааҟәла-ӡаашьшьылон. Рызқәа
рҭыԥ аҟынгьы аҽҽаҳәа, ишәахха аӡы аамҩеиҩмаҵәон.
Абнақәа, абнақәа, абнақәа. Ааи, иҟан усҟан абнақәа. Аб­
нақәаҵәҟьа ыҟагәышьан. Шәарахла, гыгшәыгла имшхәыб­
зазаран абнақәа.
Алымҳа ҵәырбызқәа кат-като иахаргыланы, ашьац ахықә
иқәгыланы ацәа ихьҭшьаа, ишәа-иӡыӡо ачықьра хәм­биҭ­
рақәа иаархәыҵҟьон ажьаԥарҟьа. Нас ахаҭа агага иацә­
шәо-иацәырҳаны е-с, ахыкәалаа ахьымӡо абнеиқәара ины­
лаӡыҭуан.
Абгахәыҷы қәас-қәас акәзаргьы абла гызмалқәа џьуашәа
иҭыԥхаауа, «иҳалалӡа», икәакәаԥшуа агәыр аԥынҵа иаҟа­
роу агәаҽанызаара аманы абнаршәыра иаалшәон. Иаац­
рымшәаӡакәа уа иашьҭоуп ацәгьа-мыцәгьа иҟанаҵақәо ша­
ҳаҭра азызымуа аҵыхәабаба-ҽырбаба.
Ауаҩы аԥхьа Абгахәыҷы ибар ҟалаӡом, «ҵасӡам», аԥхьа
иара ауаҩы дабароуп. Уаанӡа иҟанаҵаша ҟанаҵахьеит, шьҭа
гәрыӡ-шашәарӡ исапын шәахны абна инылабоит ауп.
Иара ақәыџьма ахаҭагьы аҽнышьыбжьон иқәаџ-қәаџуа
иануԥылоз убарын.
Абри Мҷышь ахықәан ҽырхәмарырҭак инаҟараны ихы­
гьежьааӡа инеиҵыхуп уарҳал иаҵәаны иқәҵоу адәы.
Аӡиас аԥаҩ адәы аҵкар аҿы зҽыртаӷа-зҽыԥсаҟьаны
игы­­­лоу аҵлақәа рышәшьыра аҟны алаҳәахӡы ахьыршаны
еиқәы­цырцыр игьаргьалашьӡа, ишьҭиааӡаны ашьацра аҽы­
лак игылоуп амашьына. Аблақәа убла иаазымычҳауа иу­ҿаԥ­
хо еикәаргьежь раӡныла ихырҷоуп.
Ашьха ацха ишасуашәа ашьыбжьтәи амра ахьышәахәа
гәыбзыӷқәа адҷаблон. Убысҟан цәгьа еиқәаҵәа самсалхон.
Иара зҵагылаз аҵлақәа рымахәқәа инрықәԥала-нрықә­
ԥраауа, еиларҷырҷыруа, рых хәыҷқәа зхагылоу рыхәда
пахәнцалеиқәа ырҵәиуа ҿыцха иԥшуан уардынымзар ҽак
зымбацыз аҵарақәа.

Ари ахазына џьаршьон, илакәыршьон, еилаӷыз-еилауа­
ҭыруа шәанахылымсеит арахь шәмааиуа ҳәа рҩызцәа ирыԥ­
хьаны иааганы алаламбатә ддырбон.
Ажәҩан ҵыԥсаауа ицоз Шьауардынкгьы алаԥш џьбара
лада иаршәын хҿашәа икәлаауа ишлеиуаз ари амашьына
гьаргьалашь абӷашшараҵәҟьа иақәшәеит иара иананԥа…
Уи дымҩаԥыргон Нарџьхьоу иџыр ԥаҵа жәпақәа зҿачыз,
иуҿацырцыраауа амагәеиқәаҵәа хәҵәҩагақәа зшьаз, сшәа
ипашәӡа акитель шкәакәа иагәылԥхаауаз, зхәахәеиқәаҵәа
хәыцк налкьӡамкәа еиқәзаҷ аҩада иԥхьаҳәаз Сталин, хыхь
– Анцәа, ҵаҟа! Иара! Иара иананԥа Акитель шкәакәа зшәыз,
зҳәынҵәрақәа хҩеижькәеицеиуаз, хыхь – Анцәа, ҵаҟа –
иара ҳәа иҟаз иқәшәеит. Ани ажәҩан ҵыԥсаауа ицоз Ашьауардын алаԥш ауп зыӡбахә ҳамоу. Ааи, убри ахаҭаҵәҟьоуп.
Убасҟан уи – аду ибла аҷыцқәа аш планы ахылара иаламгацызт! Уи зымчыз гьаргьалашь илавакны… Мап, мап,
уи ашьҭахь игылан зышәага акыр иааиҵаз, иара убригьы
ула иаазымычҳаратәа ирацәаԥҽхашәа иуҿаҷҷоз амашьына
шьҭиаа. Ааи, ааи, аҵабырг ауп иҳәатәу, уи аԥсы даргылоит,
амашьына иавагыламызт, иашьҭагылан. Избанзар, авагылара зынӡа ҟалашьа амаӡамызт!
Убри зҵагылаз аҵламахәқәа ркьатрацәқәа аԥшандагақәа
рысызшәа еилзырхуаз митәын ирыхҭыргоз. Ҵәит-ҵәит,
ҵәит-сит ҳәа рышьхәақәа ирықәҵәиааны цыгәхыршәҭ ҟа­
ҵо ҿыцха рыхқәа шьҭацаланы, рыхәдақәа нхыртыр-аахыр­
тыруа ари амашьына ссир еимакны, рыблаҷыцқәа ҭибахуа
иахәаԥшуан.
Ани ажәҩан ҵыԥсаауа ицоз зышьҭа ҭӷәыхаа инзыжьуаз
Ашьауардын злаԥш амашьына гьаргьалашь ианԥаны акитель
шкәакәа зшәыз иқәшәаз, маҷк илаҵакны Хьшьыцбак атыртырҳәа аџыр жәҩақәа мҩанҵо, аҳауа иалан. Уигьы Мрагыларахь ахы хагәышьан… Алаԥш ларшәит ҵаҟа, иагьақәшәеит
ани амашьына гьаргьалашь иашьҭагылаз, зшәыга акыр
еиҵаз амашьына, аԥштәгьы аакәалыкәаџьеит. Уи амашьына дымҩаԥнагон зшәыга бжьаратәыз шьацԥштәыла ԥсуа
маҭәала еилфаҷа еилаҳәаз, зхы-зҿы шаҭлаҟьаз игәыкыз,

маҷк иагьԥагьаз, маҟа ҟьаҟьа, убригь – ашьацԥштәыла аӡара
еиҩнаҵәоз, улымҳа иҭоуџьгәартә ирқьҭа-шәырқьҭуа зиа­
цкила зшьыргәацәқәа ҭырҳәацааз Н.Лакоба.
Сасрыҟәа дымицт, дихьазаргьы дымшәыцт, дышәхьазар­
гьы уи ари иеиԥш иҟоу аус илшаратәа агәы изҭода?
Акыр илаҟәны, агаҿа аҟәара илаваршә Мҷышьҭа акалҭ
инавшьны, уаҳа арҭ амашьынақәа рахь зынӡа ихьамԥшӡакәа
(ихьамԥшшәа ҟанаҵон), еицырашәаны ииаҟьа ицон Акәт­
рыхьшь. Уи абла мцаԥшьқәа ҭҵәраауан, Қарҭҟа ахы хан –
Абласаркьа!
Абласаркьа идыруан иахьа Н.Лакоба ара Мҷышь ахықәан
аԥсуаа дрысасны Сталин дышидикылоз. Уи мдыршьас има­
хзи. Быжьрабыжьҵәа адгьыл аҵа иамоу ашышкамсқәа реи­
дхәыҭхәыҭлара даулҵас аӷьеҩ-ӷьеҩҳәа илымҳа иҭасуа­зар,
аҵа аҵнахуазар?!.
Бжьымшынк, бжьышьхак нырцә акәбырқәа рҳәашьҭыбжь
маӡас иаҵаҵәаху еилфаҷа аргамаду ирыҵырхуазҭгьы. Аҩ­
сҭаа – Абласаркьа, аџьныш – Абласаркьа.
Ааи, абас еиԥшҵәҟьа, ҳәаццышәла Абласаркьа илымҳа
ҵарын. Иблақәа?! Шьашәы иҭырблааша, иблақәа иаҳа иџь­
баран ацәгьа-мыцәгьақәа ргәаҭараҿы. Ашкәакәа, ацқьа зын­
ӡаск ирбаӡомызт урҭ, аиқәаҵәа акәын ирбоз. Ахәыцеи­қәаҵәа
инаркны ирымбоз акы ыҟамызт. Жәлары ирҳәамҭоуп ҳәа ус
рҳәон, аганаҿынтә ауарбажәи алаҳәеи ашьхаҟа иԥшуан.
«Уԥши уара, ҩахьхьи абжьышьхакы рнаҩс ахьча ашә ахьхихуа убоу?» ҳәа иааҽхәеит ауарбажә.
«Ашә ихихуа ахәыц еиқәаҵәа убоу?» – аҭак ҟанаҵеит
алаҳәа. Убри алаҳәа аблақәа роуп Абласаркьа блас изҭазгьы.
Алаҳәа бзиа ҟанаҵахьазар Абласаркьагьы абзиа ҟаиҵон.
Зегь зымчу хыхь – Анцәа, ҵаҟа – Сталин макьана Абла­
сар­кьа игәра имгозаап, димыԥхьеит арахь Аԥсныҟа иара
диԥыларц диҭахым. Убри азоуп иахьа абра Мҷышьҭа адә­
ҳәыԥш ԥшӡаҟны х-машьынак згылам. Уи иҟазшьа зама­
налаҵәҟьа Иара идыруеит. Уи адгьыл дынцәазароуп. Уи азын
Иара иеикануа зегьы рыхқәа хсаны икажьтәуп, уигьы Бериа

илымшо дыҟаӡам. Сталин игәы иҭоу зегь Иара идыруеит. Иагьабеизымдыруа:
«Быжьра-быжьҵәа адгьыл аҵа иамоу ашышкамсқәа
реидыхәыҭхәыҭлара даулҵас аӷьеҩ-ӷьеҩҳәа илымҳа иҭас­
уазар, аҵа аҵнахуазар!» «Бжьымшынк, бжьышьхакы рнырцә
акәыбырқәа рҳәашьҭыбжь маӡас иаҵаҵәху еилффаҷа иры­
ҵихуазгьы».
Агьаурым! Агьаурым? Сталингьы Сталин иоуп, д-шьауар­
дынуп, аха Бериагьы Бериа иоуп, д-кәтрыхь­шьзаргьы.
Иахьа ара Мҷышьҭа инҵәаӡом аамҭа, уаҵәгьы ыҟоуп,
уаҵәашьҭахьгьы ыҟоуп. Иахьа иара игәра игом, зыгәра иго
Алакоба иоуп. Иакәзааит! Уаҵәы Алакоба игәра имго иара
игәра иго дҟамлар ада ԥсыхәажәла имамкәа дааҭаиргылар?!
Иара убас иҟоу бахҭакы дҭактәуп, амала ашә ҵрааны
иныжьтәуп, иара убраҵәҟьа ашьацҳәа шьҭаҵатәуп, ашьацҳәа
хылаԥшҩыс Иара ихаҭа – Абласаркьа дҟалароуп, уаҳа акгьы.
Иара ишьацҳәа иаԥыхьашәаз даԥыхьашәаҵәҟьеит, аԥсы
адамра дҭыҵраҳа уи дзацәцом. Уамашәа иубаша, аԥсуаа
неидкыланы рхыԥхьаӡара маҷны, арахь уԥшыр жәҩахырла
иалухша, арык ираԥхьагылаша ауаа маҷӡам. Урҭ еилыхтәуп
аџьықәреи ажәпара анеилырхуа еиԥш. Амала иҵҳәаны
икажьтәу ҵҳәас иуԥхьаӡаша акәым, итәырԥсаны иҩеиуа,
аҽаҩра барақьаҭ уақәзыргәыӷратә иҟоу ауп ихшьаатәу. Ааи,
излауала урҭ рхыԥхьаӡара рмаҷтәуп. Уигьы Иара илшаратәа
дыҟоуп, дагьалагахьеит.
«Ҳарҭ аԥсуаа ҳхыԥхьаӡара маҷгәышьоуп» – гәынамӡараны
инациҵеит Лакоба.
«Ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит. Шәара шәуаа намысқәоуп
шәыгәра гоуп. Сара абра уара у-Аԥсынтәыла хәҷаҟны санааиуа ауп сҽынеиҵых, сҽыртаӷа, сыԥсы анысшьо. Шәчеиџьыка
акәзар, аӡбахә нахьхьи Москванӡагьы инаҩуеит» – иҳәеит
Сталин гәаарт- ҳалалла.
Ибылгьо илеиуеит аӡышьшьы аӡы-аашьа. Имыццакӡакәа
аԥшаҳәа иавоуп дара, иааҭгылоит уажәы-уажәи. Арԥарцәа
ҟатақәеи амлагәыр базақәеи бӷарҵахы реиқәԥара џьа­
шьахәыс иҟаҵаны ирыхәаԥшуеит, маҷ-маҷ алҩа каҭа зхыл­

шәшәо аҭаҭынжәга еиқәаҵәа хчаа, зарманапы иамҟәыҵаку
Акитель шкәакәа зшәуи ашьацԥштәыла кьаҿ иалаҳәаҵоу,
уи еиҩызҵәо амаҟа ҟьаҟьа зарманапы авҵоу, зарӷьанапы
лышьҭых-ҩышьҭыхуа ицәажәо Лакобеи. Амра каҷҷа иры­
қәыԥ­хоит. Сталин дхәыцуеит, дӡырҩуеит, иналаршә-аалар­
шәангьы акы наиҳәа-ааиҳәоит. Абри мчыла аԥсуаа ирыдыргало аколхоз даарак ишыргәамԥхо атәы иҳәоит Лакоба. Усҟан
Аду дӡырҩуеит, аха уи аҭак ҟамҵаӡакәа мчыла дааимҳәаааимҳәоит, изԥаҵакгьы ааҭрыс-ҭрысуеит, иара убраҵәҟьа
Несторгьы днеимҳәа-ааимҳәаны. иажәа нарнааны, даҽа­
џьа­ра иныиаигоит, амлагәырқәеи иӡаӷькыз арԥарцәеи реи­
қә­ԥарахь ҩаԥхьа дынхьарԥшны дааԥышәарччоит. Аду­
гьы ихы-иҿы маҷк адамхаргьы лашарак аақәбаратә иаа­
цәыҵыжжуеит… Усҟан Иара иахь иԥшуаз ауаагьы убысҟак
рхы-рҿқәа аацәыҵыҷҷон, агәыр аԥынҵа адамхаргьы Иара
иччаԥшь инеиҳамкәа, инеиҵамкәа. Аԥсабарагьы маҷӡак
иаа­лахҿыххон. Абри аамҭазы нахьхьи адгьыл аҵан Сибра
иҟоу аршьынак, уимоу иагьынеиҳау аҿыгҳара змоу аҵаа
еихаԥ­сқәагьы цәашьык иахылҵуа аҟара аԥхаԥса аарылалома анаџьалбеит уҳәаратәа иааҟәыԥс-ҟәыԥсуан.
Макьана хьаа-баа змам Мҷышь мццакы, ахаан аахыс
ӡиасны иаашьақәгылеижьҭеи, уи анышьақәгылаз здыруада,
уи иахаанда, ишцац, ацәаҩа камыршәӡакәа изаза-мазо, еихон аԥсҭашәарахь. Абар уажәы уи ахықә иавоу иамбац, уаҳа
иабарангьы иҟам ауаа дуқәа Сталини Лакобеи.
Иара, аҽы ҭоуӷанқәа хиаала-хиаала изырӡысуа аӡы еишьыл еимгәҳәа-еимырҽҽо, нас аҵәыртҳәа ихәыӡааҵәины
аԥашә ҵаулақәа ирызцон жәҩахырла иалырхуаз арԥарцәа:
ԥлиа Амтон, Ҵаӷьтыр-иԥа Хәсин, Папцаа Уҷа, аишьцәа Хазыроглы Ҳаилыми, Леи Мамсыр уҳәа убас ԥыҭҩык. Урҭ иԥсыда
инхада ҳәа еизыҭрысны, атах-сахҳәа еибарсны еибарбылгьон аӡаҵаҟа. Шьоукгьы рымпыҵҵәраа-рымпыҵшьқьраан,
ашәи-шәиҳәа рҵыхәа ԥшандага ҟьаҟьақәа мҩанҵо, ины­
ҵаҳа-инцәыҵаӡ ирыцәцази лахшәа. Усҟан дара зыхшаз изаа­
ӡаз Мҷышь гәыҭбаа акәа инҭаршә иаҵәахуан, шьҭа уаҵәы
иукып.

Аԥсҭазаара қәԥарами, икаҳаз дкаҳаит уа дкажьуп, иаиааиз дцеит иҵегь наҟ қәԥара, иара ииааиуа мчык ҟалаанӡа. Нас
уигьы аацәырымҵхои…
Убас, иаиааиз иԥсыӡ аӡы иҩҭҳәаны иҳәат-матуа аԥаҩ
иҿықәижьлоит, иара ашьац татара илабылгьо, асаса ара­
ҳауеит, еиҳаранакуеит, аха иабаҟоу аӡы? Аҳауа иа­ра иаӷроуп,
иаԥсцәаҳауп. Адуи Ҷнагәи иргәарԥханы иахәаԥ­шуеит ари
аԥсыӡ еилабаҳҭ-еилабаҳҭ џьашьахәы. Иҟат­мышьуа, ишь­
ҭыԥоит иара. Иааиҟәҵымхӡакәа иику, нҵәара зқәым алҩа
зхышәшәо аҭаҭыныжәга еиқәаҵәа хчаа днаҿыха-ааҿыхо,
ашьыхә-шьыхә дыччоит Сталин. Ашьыхә-шьыхә дыччоит
Алакоба. Ашьыхә-шьыхә иааччоит урҭ рыкәша игылоу, иахьа ари аныҳәеиԥылара урҭ ирхагылоу ашәаԥыџьаԥгьы.
Ашьыхә-шьыхә иааччоит имааԥсаӡо ашьамхы зҵоу, шеишықәса еилыбаа-еилыбаауа жәҩан иаҵагьежьаа иаҵоу амрагьы.
Аӡы иҭҳәааны арахь иҿықәрыжьлаз аԥсыӡ ԥшьагьаҭҳақәа
ракәзаргьы ашьац иаҵәараҟны атәыла рбгауа, ишьҭыззаны
адықсықҳәа зыҽкыдызҟьоз еиқәтәахьан, идысхьан. Шьҭа
иахьырҭыԥу ашҟа риагара иаҿын. Ҽыҭ-ҽыҭ еиҩыҵәҵәаеиҩыҵәҵәа акыц мгьалқәа зларӡуаз аԥлакь ҟьаҟьа-жәырқәа
ашыла рныҳәҳәыла ирныԥсалан даргьы «ԥхаҷыҷараӡа»
иҟаԥшь-ҟаԥшьӡа, ашша рылхәаҭа аӡра иаҿын. Ҷнагә идыруан Аду акаҵахәыр сыӡбал иԥсы шаӷраз, уигьы рхадмыршҭит
иахьа ара. Аха рчеиџьыкагьы рмыхәеит аԥсуаа умҳәозар.
Ииуль мза зқьи жәшәи ҩажәеи жәибжь шықәса инаркны
октиабр зқьи жәшәи ҩажәеи жәаа шықәса ирыбжьанакыз
аамҭала Аԥсны гәаӷь зманы, аҵара уааны ишәҟәыҩҩцәаны
Асовет мчы аагаразы ашьа казҭәоз аӷьырак жәлар «ира­
ӷа­­цәаны» иаақәгылеит. Урҭ рхыԥхьаӡара ҩ-нызқьи шәи
ԥшьын­­ҩажәеи фҩык ыҟан. Абарҭ зегьы абахҭа џьаҳаным
ҭылашьцарахь, магәшьхәала ирыгәҭасны иҭарыжьит. Нас
уантәи иаалх-аалхны, иаҳа «ишәарҭаз», мышкызны рыԥсы
еиқәханы абахҭа иҭыҵыр дырҩегьых «рҽеибыҭаны» Асовет
ҳәынҭқарра «хзырбгаларц» зылшоз быжьшәи ԥшьынҩажәеи

жәиԥшь-ҩык лкыдҵаны, аҟәҟәаҳәа иааргәыдҵаны иршьит.
Зыԥсы шҭаз акьыр иаларблыз рхыԥхьаӡара ҳаздыруам.
(Шәа­хәаԥш агазеҭ «Бзыԥ» ииун 23, 1988 шықәса рзы). Убраҟа
иналаӡит Хусеини Ҳазыр-оӷлыиаагьы.
Акитель шкәакәа! Асы шкәакәоуп, аха цәгьа ицоуп!
Иавоуп арҭ ауаа дуқәа, жәлар рразҟы ачаԥара знапы иану
Мҷышь аԥшаҳәа, иԥшахьырсуеит, рыԥсы ршьоит иахьа.
Акитель шкәакәа зшәу хәыцра ҵаулак дынҭанагаланы
ихы-иҿы анааихшәалакь иҽааир-ҭынчуеит Алакобагьы, урҭ
рыкәша-мыкәша унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоны еикәаӷӷа
игы­­лоугьы, рнаҩс ацәҟата ахәараҳәа ижәуа изҭоу ачуан иа­
ха­­гьежьаауеи уа иавагылоу абысҭа еилзырхуа амаҵуцәеи
рҟыт-шәыт ыҟамкәа, ҿаҳа-дагәаны иаанхоит усҟан. Иасуаз аԥшаҟәандагьы мҩабжара ишьаҳиҭха аҽааиқәнакуеит,
амрагьы ишьашәха ԥҭеиқәаҵәак наҿатәоит. Иара аӡиас
Мҷышь­гьы аӷәра ааҿадырххазшәа ишҳазӡа иаашанхоит.
Абри аамҭазы аӡы ҩҭыҽҽеит, иааикәагьежь-еикәахынҳәт
ацәқәырԥақәа. Аӡагәҭа еибарххон арԥыс маҵәҟьа Папцаа
Уҷеи млагәыр заманаки. Нас ишеимаз аӡԥашә ихәыҵа­на­
галеит, уаҟа каамеҭ рзааибагеит, иԥсы дақәыԥшит, аха иԥсыӡ
даҵақь иҽхыртырны аӡы иҭыҩрны наҟ адуцәа злааиуаз ала
адәы иҿықәижьыт.
Аӡы дыҩҭыҵит иӡаӷькны зжьиаҵәа ҭчаақәа шәытыхахьаз,
икалахәҵәаӡа цәгьаӡа зеиҿкаара шьахәз Уҷа. Ици-ишәи
еиха­­гыломызт уи, аха ихы-иҿы лашо дызиааиз, нырцә
адәиа­ҵәа иқәижьыз, иҳәаԥ-ӡыԥуаз ималагур ахь дцыркьуа
иҿы­неихеит.
Ишьапы хыҟәцызаап, ма иҭԥазаап. Деилабаа-еилаԥсны
аӡыцәыкәбарқәа ихьыкәкәо, амра ашәахәақәа ҟәандаӡа
ихьыршо днеиуан. Сталин илаԥш хааӡа иара Папцаа Уҷа ид­
ԥхалон.
«Аа, Амтон уабаҟоу, Амтон?! – рыбжьқәа геит ашәымҭаз.
Аӡы иҭагьежьаауа ишәарыцоз ԥли Амтонгьы даакылҟьеит.
Уҷа дыхәшаҳәаны длышьҭаҵаны, али-ԥси рыбжьара ихы­
ҟәцыз, ма иҭԥаз ишьхәа аҭыԥ илҭаиртәеит. Сталин ашыхәшыхәҳәа дааччеит: «Оказываетсиа и скораиа помошьч с

вами!!» – иҳәеит. Аԥсабареи ауааи зегьы аалаша-лашеит
усҟан.
Арԥыс, Уҷа убысҟак агуамч илажьын, соуп зҳәо аӡәы
игәаӷьны данидыххыларатәа еиԥш дыҟамызт. Игәыбжьынацәа
аҩада иҩыртырны арыԥҟьа еиԥш ианԥирҟьалакь акакан
ҟәаз лаҵаԥыххаа ицон.
Нас Аду даалаган аспирҭ Уҷа изишьҭит. Ахьҭа илнацарц.
Уҷа ушьҭахьтәы иааишьҭит дхырхәаны, идуӡӡаны, иҭабуп
нацҵаны. Ари Сталин уамашәа ибаны зҵаара ԥштәыла ихы
ҩышьҭихит, днарылаԥш-аарылаԥшит.
«Иаԥсуара ламыс инаруам, аҳәынҭқар иҿаԥхьа арыжәтә
ажәра», – рҳәеит уа игылақәаз.
«Скажите ему, что ето гасударь прислал!» – иҳәеит Сталин.
Нас Уҷа имжәыр ауамызт.
Амра гьамгьамуа, хымаԥсыма амшын ахь еихеит. Аԥшә­
мацәа рысас дахь пату иқәырҵеит, рчара хпыҿ ргәҵыр­
хит ихааны, иԥшӡаны, Ҵысхәшәа иласкәантраӡа иҳаракны
ажәҩан иалаланы ицон ауаа раҳиҭқәиҭ.
Уажәы Сталини Лакобеи ашьац-бырфын аҟны ихәхәахәхәаӡа еиваиан. Сталин ирацәаны иҭҟьо идыркыз анемецтә
геко аҵа дкылаԥшуан, нахьхьи иарсу аҵәгәур калам па
ахыкәапеира иахыркьакьаз ачанах ҟәаш иақәкны. Аџьажә
еихиаа ду ашьапы ҵысуаҳа иҵысуамызт ари импыҵак игәы­
дырӷәӷәала иикыз абџьар.
Акитель шкәакәа ҳәынҵәра хҩеижьқәа, аџыр-ԥаҵеиқәа­
ҵәа, амагә хәҵәага-цырцыр уҳәа зегьы ашьац иаҵәара иалԥ­
хаауан. Дыццакуамызт. Мап дыццакуамызт макьана, ахысразы акитель шкәакәа зшәыз. Уамак дгьылҵысрак ҟалараны
иазыԥшызшәа ауп зегьы шышьхныԥсылаз ари аамҭазы.
Ашьацԥштәыла аԥсуа маҭәа зшәу иара уи еиԥшу амаҟаҟьаҟьа азиацк ҭаԥахи рыла еибыҭаз Лакоба Аду дахьиваиаз
ашьацкаҳәаԥштәыла датәнатәауан. Хьшьыцбашәа ила амца
хны, дымҵысӡо дазԥшын ацәҟьара.
Сталин дкылԥшуеит, дкылԥшуеит, дкылԥшуеит.

Зхы иақәиҭны, иласӡа иԥыруа аҳауа иалаз аҵарақәа
икәлаауа рҿылархан, акәапа-сапаҳәа ашәаԥыџьаԥ рыҽнала­
рыԥ­сеит егьшәаҟьеит уа.
Еивзак антҟәацуа еиԥш, аԥҟаца ааҭгеит, ари абџьар
мӡанра. Акараҳәа ачеичанах ҟәаш агәҭа ааимҟьан, иҟәыбаса
инкаԥсеит иара зхаркьакьаз акалам ахьарсыз ашьаҭа акәшамыкәша. Аду ихы-иҿы аақәлашеит. Амшын хьарч аргеит,
аҵарақәа гәырӷьаҵәа иааилаҷырҷырит. Аԥсабара ҿыхеит.
«Прауа, прауа» – ҳәа абыжьқәа тҟәацит. Дыдраҵас на­
пеин­ҟьарахеит.
«Шьҭа сара азин сыҭ аҩыза Сталин, ацәҟьара аихсра» –
Лакоба ихы-иҿы еилԥхаауа, иԥагьаӡа Сталин днаиҿаԥшит.
«Узеихсуазеи цәҟьарас, иҟаз сара салгеите?!» – ииаз Лакоба днаиҿаԥшит.
«Исыҭ азин, аҩыза Сталин», – иҳәахт Нестор. Лҩа хәыҷык
згәацә иҭышәшәоз абџьар ааиаган, Нестор инаииркит.
Лакоба агеко аҵа дынкылԥшны ацәҟьахь ааҭиргеит. Ка­­­
рандашьшәарак аҟара акалам аҩаӡара нхикәыцәааит. Дыр­
ҩегьых ацәҟьахь ҳәа деихсуа, атырк-тыркҳәа акалам есааира
иркьаҿуа иҿылеихеит, аха… Абри аамҭазы Сталин «ҟәыҳәы»
ҳәа дааимҳәеит. «Прауа, прауа» ҟьаԥ-ҟьаԥҳәа анапеинҟьара
рымпыҵҟьарц аԥсык аԥсык рыгны игылаз ауаа лахҿыхқәа
ааиқәышьшьын, инхәыҵак-аахәыҵакны «ҟәыҳә, ҟәыҳә»
рҳәеит, наск иҿымҭзҩараӡахеит.
Убысҟан амра аҽыкәаҳа наԥыраҳаит. Лакоба иабџьар
ырҟыҵымыҵуа зны ус иааимпыҵахеит, днаԥшы-ааԥшит. Иа­
ра дызваиаз Аду агылара иҽазкуа «Иахьа ибзианы аамҭа
ҳхаагеит?» – иҳәеит. Убарҭ ажәақәа инарылакны Лакоба
ҩаԥ­хьа абџьар ааигәдырсланы аҵықь ааҭиргеит. Аршьынк
иназынаԥшуа акалам ақәцә каткатара ламикәыцәаан, зны
ибырбыруа, нас икахәхәа ишлеиуаз иара иарсыз акалам
ашьа­паҟынҵәҟьа иныҵакьакьеит, иҵысҵысуа. Ҷнагәгьы
мпы­лшәа дҩышьҭԥан, иабџьар наршәны аҳауа иналаиҵеит.
Ԥли Амтон ихаҿы ихаччо, иԥыруа аҳауа иалаз абџьар
атазҳәа днам­ҵасын иара иахь иаамҩахигеит.

Лакоба ҵәаԥшьҵас ихы-иҿы уаркалеиуа, дааҳәны дџыхӡа
баҟаҵас игылаз Сталин днеиԥынгылеит бахәҵас дбаӷьаӡа.
Уажәгьы дамраҵас ҭынчран.
«Ааи, уара уԥшәмараҟноуп, уашҭаҟноуп иахьа ҳсасны
ҳахьыҟоу. Ииашаны иҟаиҵеит Анцәа, ахысраҟны аԥыжәара
ахьиуҭаз!!» – иҳәан гәҭыӷьӷьала дааԥышәарччеит Аду. Зегь
аагәҭәын, илаша-лашо инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшит.
Нас Ҷнагә иуаажәлар рахь даахьаҳәын Аду ибзиан дахьхысыз азыҳәа, дышьҭыхны аҳауа далаҵо, «прауа, пра­уа»
ҳәауа днаганы имашьына дҭашәыртәа иҳәеит. Ус иагьы­
ҟарҵеит.
Сталин иеиҳа уара икылкааны ухыст рҳәан, р-Ҷнагә дыр­
шәны аҳауа далаҵо «прауа, прауа, прауа» ҳәа иааҟәымҵӡакәа
иҳәо имашьынахь дрыма идәықәлеит.
«Уара шьҭа иазхоуп, шәысҟәаҵ, Аду дгәаауеит», – иҳәон
Нестор, аха амшын цәқәырԥа узынкыло аҳа даргьы узынкыломызт. Ус «ҟәыҳәы» ааҭгеит ани амашьына гьаргьалашь
еиқәаҵәамсаҳ аҟнытә Нарџьхьоу иџыр ԥаҵақәагьы аақәацқәацеит, убысҟан адгьылгьы ааҵыс-ҵысит.
Ирҳәоит, адгьыл шьҭыхны изку, изхагылоу ацә атәыҩа
ауп ҳәа. Уи ацә аныцгәыршәшәо акәзаап адгьылгьы анҵысҵысуа.
Сасрыҟәа дымицт, дихьазаргьы дымшәыцт, дышәхьазаргьы
уи ари еиԥш иҟоу аус илшаратәа агәы изҭода?!
Дырҩегьых «ҟәыҳәы» мыжда геит. Илақәырццакны иарма ԥаҵа мыждагьы аақәац-қәацеит, адгьылгьы аахыџхыџт.
Зегьы леиқәҵаа иаанхеит.
Ажәҩан алакыҵа ацыԥхьқәа ааҵыддит.
Амшын ахьтә еимаҷыҩны арацәаԥҭақәа рыла ажәҩан
ҵырҟьон, адыд, амацәыс аҽазнакуан, адгьылҵысра аԥшь­
нагаргьы ауеит. Аԥсуаа рчеиџьыкагьы рмыхәеит, изҩахьааны дара рахь игьежьуан…
Ардәына иахҳәааны жәытәӡа легендак ауаа ирҳәоит.
Убри абра иаҭыԥзар ҟалап. Уи ахәша еиқәаҵәаны анцәа
имшазаап. Анаҟәа бымбақәа ирылырҟьаны, раԥхьатәи ашьха иқәнарҳәҳәо асеиԥш иҟәашӡа иҟазаарын. Еснагь агәы

ҭыԥраауа иқардышха иқашәқашәо, иҽырба-ҽырбо, аԥсабара
иагәылԥхаауа, иԥыр-ԥыруа иагәылазаарын.
Уи ардәына шкәакәа иахылҵуаз ашәақәа рыхкы зынӡа
ихазызаарын, иҵегь ихазыназаарын. Ус ишааи-шааиуаз
ԥхнык азы ардәына шкәакәа ишыҟанаҵац еиԥш акәтаӷьқәа
хнаҵеит, ихнахт аԥацәа. Амыргәырӷьа ахы иҭаны, аԥацәа
азхара иазымааӡо, агәхәыҷы еиҟәыҷҷауа ашәа ссирқәа
аԥнаҵон, иааҟәымҵӡакәа ишәаҳәон. Аха бзиа нагӡа збахьада. Ҽнак ахәыҷқәа рхәы аманы ианааи урҭ рҭыԥ ҭацәын,
цәгьагьы ихышәшәхьан. Ардәына шкәакәа ашьҭалеит ахшара аԥшаара, адгьыл иҵалеит, иҵысит, аха зегь башан. Изанымаалеит изықәшәаз арыцҳара ду. Нас сыхшара збаанӡа ашәы
сшәысҵоит аҳәан шәеиқәаҵәала аҽҭалаҳәаны идәықәлеит.
Уи иахьагьы шәас иаҳәо мыткәма шәазаап.
Убри ардәына шкәакәа еиԥш акәын Аԥсынгьы аԥацәа
шацәыӡуаз ари аамҭа еиқәаҵәаан. Убри азакәын Аԥсынгьы
ашәы иҭалаҳа иахьыссы изашәыз.
Нас ҳауаажәлар Сталин «ӷас» дыркызаап, уаман урҭ
«иҟарҵоз».
Риҵа амҩан аԥсуаа «кылатәаны» аҟәҟәаҳәа Сталин «иеихсит», аха Бериа игәышԥы наԥыраикын, ахы цаҳә-цаҳәқәа
иааиуаз џьмауацшәа уи инадҟьацыла-надҟьацылан, саараҟа
инкататеит.
Аринахыс Сталин ибла аҷыцқәа аш планы ахылара иалагеит. Уи ԥсаҟьаны ихызыԥсалоз ауаҩы ашәшьыра дыҵыҵны,
есымшааира Сталин дидҳәаҵалон – Абласаркьа.
Нас Абласаркьа «машәыршәа» Нестор Лакоба аш­ҳ ам
ииҭеит. Ашьҭахь Лакоба иҭаацәеи иареи ажәлар «ира­ӷа­
хеит».
Сибра аҵааршәыра иларшәыз, жәаф шықәса ирҭагылаз
Нестор Лакоба иҷкәын Рауф Қарҭҟа ашәҟәы иҩҩуеит: «Акыр
иаԥсоу диадиа Лавренти! Шәара ишәзымдыруазар ҟалап сара
абра Сибра аҵааршәыраҟны абахҭа сышҭаршьуа!Сықәлацәа,
ахәыҷқәа зегь аҵара рҵоит, сара – мап. Сшәыҳәоит акы
еиԥшымкәа, соужьра амуазар (сызхдырҟьо усгьы исыздыру-

ам) сиажәгарц ашкол змоу колониак ахь, абжьаратә ҵарак
ахьсоуша».
Разҟ змамз, ақәашьда Рауф исалам шәҟәы намӡеи Агәыл­
шьап – Абласаркьа иҟнынӡа.
«Ари амаҭаԥшь хәыҷы уажәыгьы аԥсы ҭоума? Шәилга
наҟ!!» – иҵәрышкәаӡа жәаф шықәса ирҭагылаз Рауф аҭӡамц
хьшәашәа днадырҟацаланы аҟәҟәаҳәа инеигәыдырҵеит.
Диит Сасрыҟәагьы, дагьшәит Сасрыҟәа? Изҭан иара убри
еиԥш агәгьы Бериа аҭӡамц дадирӷәӷәалартә еиԥш, Сталин­
гьы дкәаԥӡа Амавзолеи дҭигартә еиԥш (Ҳаӷоу иԥсцәа еи­
ҭеигааит).
Аха усҟан ауардын хышәҭхьан!
АДӘЫЯБАҞНЫ АИЦӘАЖӘАРА
Агәхашҭра уҳәеит ҳәа асҵәҟьа убахьоу. Аамҭа шәақь­
хысҵас ииаҟьа иашьыр, хара ҳаҩуа ҳахьашьҭоу акәу ҳхы
зыршаҟәаз издыруам аха, даара агәхашҭра ҟалеит, иҳәан
Иуана идтәалаз Гьаргь днеизыԥшит.
– Аиаша уҳәеит, аиаша. Амала алаҳа иалҩрыз ҳаилаххаа
ҳцеит ҳәа иҳәон еиԥш зегь рыхқәа аушаҟәаху, аха иуԥылоит
имаҷымкәа ус иҟоугьы. Сара Чынчор ҳәа гәылак дсымоуп,
жәаха ҽнак ҽыкәабара ҳәа ахамам ахь дцан данаауаз икьатеиах ԥҵәо даауан. Иҟалазеи? Иҽаникәаба – иҽанишьышь
ҵаҟатәи имаҭәақәа, ацқьақәа ҳәа ишьҭихыз аӡырҟәанда
илаҵакны иӡәӡәеит, ишәихыз аҟьашьқәа дырҩегьых ишә­
ҵаны дааит.
Чынчор иҟынӡа ҳазцари иара сара ари изҳәогьы знызынла аҩны иҟоу лыхьӡ ансхашҭлогьы ыҟоуп. Даара смеи­
ԥ­хьхәцаакәа исгәалашәом. Уара изхуҳәаазеи? Уажә саԥы­
лаҩны сара ацәажәара салагеит, – Гьаргь иажәа даалган
Иуана днаизыԥшит.
– Изхысҳәааз ыҟоуп. Саргьы сгәыла Бадис ҳәа иҟоу
иацы даланахаланы акы дазхәыцуа агаҿаҟны ихы рханы
дцон, ҳааиԥылеит. Аԥсшәақәа анааибаҳҳәа ашьҭахь жур-

налк скын абӷьыцқәа еихыршәшәо, асахьақәа ианыз ирбо,
маҷ-маҷ сынивҵхо, снеиҿагьежьуа мацара ашьхарахь иҿы
рханы дкәаԥӡа днасыргылеит. Нас абзиараз ҳәа наиаҳәаны,
арымарахь игаз амҩа снанылеит.
Ашьҭахь санԥшы, Бадис ҵабыргыҵәҟьаны агаҿа ишьҭахь
аирханы, ашьхаҟа ихы рханы ахәаца-хәацаҳәа ацара даҿын,
хәыцрак иҽалаханы. Даҽаӡәы диргьежьаанӡа ус дцалап.
Агәхашҭра уҳәеит ҳәа…Арҭ ирзыӡырҩуа рааигәара итәаз
саргьы (акылаԥш-кылаӡырҩрақәа бзиа избоит ианакәы­
заалакь) ааигәа исыхьыз нарасҳәап сҳәан сналагеит.
Аҳәса ижәбац рутәы-рҳәатәы нҵәаӡом, шамахамзар.
Жәаха ҽнак аҩн иҟоу лыҽкажьны дсыҳәеит, знызаҵәык
иадам­харгьы ахәыҷтәы баҳчаҟны уцаны ҳхәыҷы даагах
аԥсцаха сымамкәа сшеилахоу умбои, лҳәан лнапқәа ӡыфан
асапын шәах ахатата иҟаз еихьшьуа, лхы ҩышьҭылхын,
лыҽрыцҳатәны дҩасҿаԥшит. Иӡәӡәаны еиқәырҳәы-еиқәыр­
ҳәы еиқәлыжьуаз амаҭәақәа уардын ӷәӷәак изанымӡалап
уҳәарын.
Иҟасҵарызеи, даарыцҳасшьан сцеит. Лара илҳәан еиԥш
знызаҵәык ҳхәыҷы даазгеит ҳәа исыхьрызи. Амала аиа­ша
шәасҳәап, арҭ ахәыҷқәа рырххарақәа ҳарҭ ахацәа иаҳ­
усӡамзар ҟалап, иаахҵәаны иаҳҳәозар ҳазыманшәалам,
аха иҟоуҵои, сымцар ҳаибаргәаар акәхоит. Ани ас лыҽрыц­
ҳатәшәа лыҽслырбеит, аха данаашәлакь Кәыдры анхыҵлакь
иузынкылоу? Уи аҵкьыс сышԥхоу – ԥшьшьала сцаны ҳхәыҷы
даазгап сҳәан инықәсыршәын сцеит. Насгьы арҭ уажәтәи
ахәыҷқәа аҷҷаҳәа уҳәатәы харҵо егьиуа иауҟаху, рхы
раԥызоуп.
Ахәыҷтәы баҳчаҟны игылаз апальма иавагьежьаауа еишь­
ҭан ҳхәыҷы лҩызеи лареи. Даамҵарсын, лыжәҩа данкны
дсыма сҿаасхеит аҩныҟа, аха илуама лыҽлырххоит. Ахәы­
ҷқәа усгьы рызхара хәмарра роуп ҳәа уҟоу. Илмуӡо даналага, ани иахьаадыруа аҭыԥаҟны ицаҳәцаҳәо акы нанысҟьеит.
Гәыбӷансгьы илуҭои лан лакәымзи даазгалоз, уи лоуп дзышьцылоу, уажә сара ахәыҷтәы баҳчаҟны сахьааз мбатәшәа
сылбоит. Амҩахь аҽшьра ианақәылк иҵегь инажәысҵа-

аажәыс­ҵақәеит. Ауаа алаламбатә рбазшәа гәыԥ-гәыԥла
рҽеидгаланы иҳахәаԥшуан. Урҭ ак дурбондаз убаашәт…
Иазаауазеи, дышҿаа-ҿаауаз ахәыҷы дааганы лан дын­
лысҭеит. Саб ԥсаҭа шкәакәа Хакәцә дгыланы дқәаџ-қәаџуа
даауазаргьы, сара уаҳа ахәыҷы абаҳча ахьтә лаагаразы
шьаҿак шыҟасымҵо налаҳәаны.
Ҵабыргны ларгьы уаҳа сылмышьҭит, ҳара ҳтәы лакә­
заарымызт иаазгаз…
Агәхашҭра уҳәеит ҳәа…
Ҳдәыӷба ҟәарҽаруа ианаангыла сааит сҳәан, алыбаарахь снеигәеит, аха… афы асааит 50-ҟа километр савнагахьазаап.
Агәхашҭра уҳәеит ҳәа…
АШТАТ ҾЫЦ
Смаҵураҟнытә сқьыԥаха аҩны сааит. Сҽааиҭаскып сҳәан
схылԥа акьамам ианкны, зтәыҩа хаххала игылаз акнаҳарҭахь
инасыррхон еиԥш:
– Уара уҵкаргьы сара сыҵкаргьы ҳамаӡамкәа иааҳамаҳ­
хааит!! Ас акәзар ҳара ҳазнымхеит. Аа усҭ сааукәыхшоуп,
акы, ҩба, хԥа. Арҭ уажә иааиуа амҽыша азоуп. Иҳаҩсқәаз
амҽышақәа рзы усгьы «подриад» ҳаҿын иҳамаӡамкәа…
Абас лыбжьы гәыкӡа иаасықәлырган «апригласительниқәа»
еиԥхьыҟәҟәа сқьышә иаақәылкит ари абзиахәшәа иҟоу.
– Ҳаи банаџьалбеит ҳҭынхацәа зегь ҳамҵәахуазар нас
ҳара адәы иқәаҳхозеи?!
– Ҳахырхт икьашӡа иааҳамҵәааит, ҳахырхт! Ҳаи, ҳаа­
зықәшәаз аӡәрақәшәахьоу уара?! (амала џьоукы аныҟоу
«шәара» ҳәа салҳәоит), наҟ ҳахыҵны, уаҩы иахьиҿахырсҭам
тымаа-тышак ахь џьара нхара ҳамцозар акгьы ҳазмырҽеит.
Абра хәыц ықәу… аҳа, – еихьылшьуан лнапсыргәыҵақәа.
– Аҳы, шьҭа иазхоуп! Бара ишыбҭаху, аха сара сҭынхацәа
сырцәыбнало анцәа иумҳәан. Ауаа зегьы ирыхьуа ҳаргьы
иҳахьп, иаамҭахеит ус ҳнеилап иҟало аабап.

– Уара утәқәа роуп, уара уҵкар роуп ҳазмыхәаӡо, ҳаа­
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3393
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3522
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2433
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3475
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2409
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3457
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3453
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2377
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3437
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2347
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3521
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2405
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3501
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2411
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3518
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2339
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3488
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2464
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2361
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2367
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3443
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2427
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3471
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2423
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3495
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2443
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3465
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2420
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3521
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3510
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3488
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2365
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3590
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2501
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3494
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2381
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3538
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2034
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3418
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2043