Latin

Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25

Süzlärneñ gomumi sanı 3464
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Арҭ агызмалқәа ақәыџьма рыцәцо иҟазма, хаха-хымш
иалагӡаны агәы кылблааны илкарыжьт. Ацәа ккаӡа иаахыхны, расабыцала еиҵаӷәӷәа ирҟацаны, аџьыкахыши ахырӷи
лақәырҳәҳәны иаадырԥшшеит. Нас ауардын илақәҵаны
иры­маны рқыҭа иналалеит, ҭӡацыԥхьаӡа инадырбо, калаҭкка­лаҭк аџьықәреи аарымхуа ицон… Ус адәқьан аиҳаба Кәа­
раҵа иҩны инадгылт.

– Сара ари ақәыџьма ԥхасҭа снамҭаӡацызт, уи азыҳәан
џьықәреи лапҟьакгьы сызшәыҭом. Сара исԥырхагоу аревизор иауп. Убри ицәа ихыхны исзаажәгозар, калаҭк акәым
абри шәзықәтәоу ауардын еиҵаҟаа азнаҵәҟьа аџьықәреи
шәысҭоит, – иҳәеит Кәараҵа.
АНАПХГАШЬА УАҚӘШӘОЗАРОУП
Хҩык анапхгаҩцәа (аӡәы даара илахь еиқәын) еидашшыло адәыӷба иҭатәаны ицон, сара рышьҭахьшәа стәан,
маӡалашәа, исҭахшәа-исҭахымшәа сырзыӡырҩуан.
Актәи. Аумаҵәҟьа сақәшәеит абри сара. Ауаа аусура
иаҟәҵит иҟала закәу сыздыруам, аха зынӡак ргәахшәеит.
Егьа каамеҭ ҟасҵаргьы ашьыжь асааҭ жәба рзы аусура
иҭыҵратә, ианаамҭоу рыҩныҟақәа ицаратәа исзыҟамҵеит
сара сызхагылоу аколлектив. Иамуит, иамуҵәҟьеит. Хаала сҳәеит, нан шьыри сҳәеит, анс сҳәеит, ас сҳәеит, мчыла
сҳәеит, ала кыдысҟьеит, аҳәа кыдысҟьеит, аха, умԥсуандаз
акгьы алҵуа збом.
Шаҟа ирхааны ирасҳәо аҟара даргьы убас ихаакәакәараӡа
аҭак ҟарҵоит, акәыр-кәыр иччо иаакылсуеит, амра хаззала
шьыбжьон ианҩеиуа аамҭазы.
Аперерив ҳәа иҟоу уи дара рхатәы рымоуп. Асааҭ жәа­
ҩа иазааигәахо ианалагалакь рыԥсы рымарацәаханы, ин­
дәылшьшь-аадәылшьшь ицоит. Асааҭ хԥа реиԥш икыл­шәшәамылшәшәа, рыжә аҵша ариизшәа игәырӷьаҵәа, ихәапжапуа
иаакылсуеит.
Асааҭ хәба рзы ампыл рбылгьо иуманы акабинеҭқәа уаа­
рыҩналар, изаахо ҳәа кьоу зҳәара уаҩ дубом.
Мчыла ианаԥшьазга, даргьы рылақәа паӷьӡа рхагәҭа
иқәыр­гыланы иансҿагыла, сырҟәаҵт. Макьана ус ҳааиуеит.
Аҩбатәи (зылахь еиқәу иоуп). Абри уара ишуҳәаз еиԥ­
ш­ҵәҟьа ауп сара сызхагылаз аколлективгьы шыҟаз. Хаа­­
ла ианаму, арыҭәа ацқәа аҵәымӷ шыбжьадырӷәӷәо еиԥш,
иаасырӷәӷәа-аасырӷәӷәо сҿаасхан, рызегь ҩадԥан иҩасҿа­

гылеит. Иҟалазеи ҳәа ҳаиҳабыра ааин илҳалатәеит. Аколлектив зегь ҽеимкәа уараӡәзаҵәык мшаԥыкәтаӷь еиԥш
урылԥхаауа ҟалашьа амам рҳәан, смаҵура сламҳәан слымҳа
саркьада избараҳа исыдмырбеит.
Аҩны иҟоу лакәзар «шьыри-шьыри» са сҟны акәын уара
уахьыӷәӷәаз, убзиазар, уамҳәаны укарыжьуазу лҳәан, ак
аасҳәар сҿы ԥжәаны исылҭоит.
Ахԥатәи. Еибыҳәаны иҟоума иабаҟоу рҳәааит, сара сызхагылоу ауаагьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу. Зегьы ыҩуа рхатә
усқәа роуп изышьҭоу. Иушьы-иаанҵәозаргьы ашьыжь асааҭ
жәба рзы (аԥссаҩ лыда) аӡә дубомызт ҳусҳәарҭаҟны.
Уажәы шәнеи, игәашәҭи?! Асааҭ жәба аҟалара жәабажәохә минуҭ шагу зегьы ҷыгә-ҷыгәӡа рҭыԥқәа рҟны итәаны
аҷҷаҳәа аус руеит. Угәы иаахәаны, уԥырны ажәҩан узаламлари.
Актәи аҩбатәии (ецҿакны). Ҟаҵашьас, хәшәыс иоуҭеи,
уанаџьалбеит?!
Ахԥатәи. Уи мариаӡоуп. Ҟаҵашьас иасҭахи, анапхгашьа
уақәшәозароуп, напхгаҩыс ҳәа уанынарышьҭ.
Шәара ишышәҳәаз еиԥш, саргьы хаала, мчыла ҳәа салаган,
иҟәыдха иаасымпыҵахеит. Нас слатәан ахәыцра салагеит.
Ахәыцра ззумҳәара ыҟам, ахәыцра хагаҵәҟьа ҭасҵеит. Хахахымш стәаны схәыцуан. Нас ари сызҵаатәы иақәнагахаша
даара ирацәаны ашәҟәқәа срыԥхьеит. Схы ҭҟәацуама,
анаџьалбеит уҳәаратәы еиҵаҟаа хшыҩла исырҭәит. Сагьазкылсит зда ԥсыхәа амамыз авариант аҟны.
Актәии аҩбатәии. Уи арбан, анахылсеит?!.
Ахԥатәи. Исымҳәои, саҿыми. Саалаган, исԥсах-исхәах,
амашьына аасхәеит. Ашьыжь шаанӡа сҩагыланы, суаажәлар
ахьынхақәоз рышә сынхгылан Камшьышь иарбаӷь еиԥш
кыр-кыр-ку-у ҳәа смашьына сырҟыжуан. Иаарҿыханы
иааизыҳәҳәаны, инақәртәа-аақәыртәаны аусура иназгон.
Икәаԥ-кәаԥӡа итәаны аусура иаҿын.
Амала аперерив ашьҭахь иныҵаҳа-ааҵаҳа исыцәцон, аха
убригь саиааит. Афырҳәа «сыҩҽыжәланы» срышьҭагьежьаауа

саарышьҭалахуан. Аҳәсақәа иахьырҿахырсҭаз здыруан адә­
қьанқәа, ахацәа акаҳуаршырҭақәа. Иааидыҳәҳәаланы исы­
ма саауеит. (Иахьыназга-аазго азыҳәа иҭабуп ҳәа саз­ҳәогьы
убап, уи сгәы арԥшқоит, сгәы иаахәоит сылаӷырӡ аауа
аҟынӡа).
Абас ҳаҟәбаҟәшәо ҳаицуп дареи сареи, анцәа ҳаиги­
мырхааит, ҽаанбзиала ҳнеиааит!
Декабр 28, 1983

АДУНЕИ ҚЬАФУРОУП
– Адунеи қьафуроуп, Кәымпыл, иарбанзаалак кьаҳәк ды­
ҟаӡамкәа зегьы амысҭхәага еиԥш ииашахәҵәаӡа аус руа иалагеит.
– Анцәа иџьшьоуп, аллаҳ иџьшьоуп.
– Аферма рахә реиҳаба абазар аҟны аочеред длықәгыланы
ашә аахәаны аҩныҟа игеит.
– Аӡлагараҿы иӡлагара ашә наркны, абазар аҟны днеин
ашыла аахәаны иҭаацәа ирзигеит.
– Аресторан адиреқтор иара иресторан аҟны длатәан
акрифеит, иџьыба аԥара ааҭыхны иифаз ахә ишәеит.
– Ақыҭамҩақәа иарбанзаалакь ҭаҟәа-ҭаҿарак умбо, ибзианы иҟарҵеит.
– Ауаа аӷьычра, аҵарҭыша агара зынӡа иаҟәыҵит.
– Ахәҳахәҭцәа иахьа капеик машәырла ирхашәалар уаха
шаанӡа иарцәаӡом...
– Иҵегь злацаҳҵаша ҳәа ихәыцуама?
– Мамоу, убри акапеи зцәынхаз дрыцҳашьаны изы­цәом.
Дар­банзаалакь аӡәы иусура иҽагирхом, рҽаҿыршьаауеит аус.
– Анаплакқәеи аусҳәарҭақәеи иара убас аҳәынҭқараа
рмашьынақәа змоу, ани аԥасақәа иаварҵә – иаашәа џьара
имцалози, иумдыруеи, Кәымпыл?
– Ааи, ишԥасзымдыруа, аҳәынҭқараа рзы аус руазшәа
уԥаны узахымԥо адокәментқәа ҟарҵон нас дара аиҳабацәа

иахьырҭаху «иаварпашолны» идәықәырҵон, рџьабақәагьы
арԥшӡон.
– Убарҭқәа зегьы ирҟәаҵит уажәы.
– Уи сгәы иаахәеит, ибзианы иҟашәҵеит.
– Аԥсхәрақәа аԥсы ишимыхәоз, уи аԥсы дшамыргылоз
еилаҳкаан аԥсхәрақәа рура ҳаҟәыҵит.
– Акәырбанқәагьы убас.
– Уала-ҭахыла уажәы амаҵурақәа ршом.
– Иара убас ауаҭахқәа рыҭара иаҟәҵит.
– Зынӡоу?
– Мамоу, уала ҭахыла ауаҭахқәа рыҭара иаҟәҵит ҳәа ауп
исҳәо.
– Ашьақар иалхны аҩгьы ауаҭкагьы рыҟаҵара иаҟәҵит.
– Ашьақаргьы аԥсы ашьеит.
– Ақалақь аҟны инхо арԥарцәа ахҵырффара иалагеит.
– Машьынала акәым ҳаирпланла акәзаргьы, Урыстәылаҟа
амандарина узыбжьыгом.
– Автоинспеқторцәа рылаԥш ноухымгакәа.
– Амашьынаныҟәцаҩцәа (џьоукы-џьоукы) аԥсҟы анырку
аҩыжәра иаҟәыҵит.
– Ауаҭкахь ииасит.
– Излоуҳәоу ала адунеи кашырроуп.
– Қьафуроуп.
– Амшын аҟны сцаны алыхәҭа азна аӡы аазгаанӡа анцәа
уимшьааит!
– Адунеи шьамхыла еимыздаанӡа анцәа уимшьааит.
– Макьаназ аҵымҳәҳәарақәа ҟазҵо ауаа маҷ-саҷк нханы
иҟоуп.
– Дук хара имышьҭыкәа убарҭ абри снаргәыҵ хәыц ықәҳа
рыхәҵәышьац кьашшӡа иаақәынҵәааит!
– Ашәира акәым иаҭаху, аҩсҭаа душәиир ԥа диоуеит
рҳәоит. Иаҭаху, саҭиқәыцә ҳәа ҭаҷкәымла ҳаиҿагылароуп.
– Ааи, ааи, урҿагылароуп.
– Сара соума ирҿаургыло?
– Иауеи, мшәан, умацара урҿаҳаргылартә. Уара, уҩызцәа,
угәылацәа, уабхәараа, абна итәоу, абра итәоу, шаҟа уҭаху.

– Уара ухы залаумҵои?
– Сара сеилахоуп, урҭ раха сымаӡам.
– Кәымпыл, уи иаҳҳәарыз ҳҳәеит аха, уажәы ҩбаҟа
зҵаарақәак сымоуп, рҭак сзыҟаҵа.
– Азамана, пожалста.
– Уанхәеи, уабхәеи, уԥҳәыси, уани уара ухи зегь раԥхьа
иргыланы иреиӷьушьода?
– Зегь раԥхьа иргыланы… зегь раԥхьа иргыланы сабхәа
деиӷьысшьауеит, нас санхәа, нас сан, нас санхәеи сабхәеи
исаҭәаршьаз ани аҩны иҟоу, нас сара схы.
– Ус уара… уара ухы акәапеира иамаҿоуп, зегь раҵкьыс
ухы шеицәоушьо.
– Еи, арҭ зегь ираҳаратәа усазҵааитеи, нас иуас­ҳәа­
рызеи.
– Аколнхара ахантәаҩы иахь ателефон уасит, иара уа
дыҟаӡам, ԥсхәрак ахь дцеит, атрубка шьҭызхуада, иш­ԥар­
ҳәо?
– Абыржәыҵәҟьа дқьыԥаха абригадақәа дрылоуп рҳәо­
зар акәхап.
– Аҩнныҳәара захьӡи?
– Асасцәа рџьыба еидҟьаԥсылоит, аԥшәма иџьыба
ҭчаауеит.
– Ак уасҳәашан, Кәымпыл!
– Сӡырҩуеит гәык-ԥсыкала!
– Абри ахәыц еиқәаҵәа злам аџьмашьтәа замана лкажьны
ишьны акәац жәны ишшаԥацалаха, ишаҳәшаҳәо аџьыкхыш
иныларчачо, нас абысҭа ԥха аҿахра ҟәазӡа илаваҵаны, аҵә­
ца аҩы ԥхеи-ԥхеиуа илашьҭаҵо, ақәаҵа илыҵатәаны «Хыхь
иҟоу» ҳәа иҟарҵо зхәарҭада?
– Убра ҵаҟа итәаны изфо роуп изхәарҭоу.
– Нас убри аҳәсагьы ирфар зыҟамлои?
– Аҳәса амалагьы ҳрыхәом, арахь џьмакгьы рҿоуҵар
уҭахуп, нас ишԥаҟало?
– Ус акәхап, ус…
– Ахацәа гаӡоу џьушьоу, џьмак ҟьҟьа-иҵәҵә аҳәсагьы
ирылоуҵар изызурхода, ҳарҭ ҳазхара ҳфагәышьап.

– Абчараҳ… абчараҳ ҳәа изуҳәар ауеит аферма рахә
реиҳаба.
– Аԥсраҟны акрыфара ҟәыхшьас иамеи?
– Ахацәа раҟәыхра зынӡак имариоуп. Шәааи, шәтәа,
акрыфара, афатә мачхәума – икажьуп, амала арыжәтә мыжда ҳамаӡам, – уҳәар хаҵа зхылаҳәоу аӡә дтәом, зегь агәарԥ
илықәыӡәӡәаа ицоит, аҳәсақәа ртәы ҳаздыруам.
– Иамуӡакәа удыртәар, шаҟа ҵәыца аҩы ыжәтәи?
– Аԥсы угәы далсҵәҟьарц уҭахызар – хпыҿк ауаткеи 5-10
ҵәыца аҩи.
– Злеишәа цәгьоу аԥҳәыс дуднагалар илзутәи?
– Аа – абааԥсы аҳәса рыӡбахә соумҳәан!
– Избан?
– Избан умбои аҳәса реилкаара цәгьоуп. Ирҳәоит ауаҩы
иеилкаараз ԥудк аҟәыд, аҟәыд сҳәоу аџьыка ицуфароуп ҳәа,
сара шәԥуҭк аџьыка лыцысфахьазар ҟалап, уажәы ауп данеилыскаа, 20 шықәса рышьҭахь.
– Дышԥеилукаа?
– Иаҳҳәап, кинок цоит, ахәымҽхан ларгьы саргьы ҳцаны
иаабарц сҭаххеит сара, сара исҭаххеит, лара лакәым, баала акино аабап сҳәеит ҳәа акгьы алҵӡом, усҟан џьалла
дырҳәазаны акәзаргьы дузгаӡом. Усҟан даацәырҟьоит лара:
«Ааит уара киномзар уаҳа ус умаӡам, ахацәа шәнапқәа
шәџьыба иҭакны шәлеиҩеиуеит. Ҳара шәысас даабароуп,
шәара шәаабароуп, ҳаӡәӡәатә абаҟоу, ҳаҳәҳәатә абаҟоу,
ҳҩымсаг ҳәа, аӷәра нақәыршәны аҿыналырхоит, нас алада, аҩада, аҩада, алада, туды-суды ҳәа аухантәарак убри
ҳаманы ҳақәзаауеит. Сара уи азы акәӡам изысҳәо. Кино
бзиак ыҟоуп ҳәа убрахь аҳәсақәа рхацәа рыжәҩа ианкны ибӷьааны ицон, аха змагәышьада акәымзар, ух-гәышьа,
сышԥааԥсеи ҳәа аҟәыҿыҳәа асқам снықәтәоит. Усҟан лара
ажәхьара даҿызаргьы наҟ лҳәыс наҵаҵаны, афырҳәа
лҽааилаҳәаны саԥхьа днагылоит, ухаҵоуп, улыцымцан.
Усҟан иаҳәахо удыруо, ани инҭакны ихырҵәаша лыбз
хәыҷы? Ҳаадырижьҭеи ҳазҿу усуроуп, џьоукы аҳәсақәа,
уԥшыр акино аҟны дара ыҟоуп, атеатр аҟны дара, уаала, уаа-

ла саԥхьа угыл, – лҳәоит. Саргьы исҭахӡамшәа, сылахь еимарццы сынлышьҭалоит.
Иаҳҳәап, чарак аҟны иҳаҳәоуп, ҳамцаргьы ҟамлоны избоит. Убасҟан абас ауп изысҳәо. Иаанҵәааит урҭ ачарақәа,
ҳашԥақәырхи. Абнахьхьыгьы иҳарҳәт, аха ҳазцагәышьом.
Нас лара: «Уаԥсуара ухашҭма, аԥхашьаразоуп ауаа реиқәа
зрышьарҵо, иаҳԥсахыргьы ҳцароуп» – лҳәоит.
– Иахьҳарҳәаз ҳамцар, ԥхашьароуп сҳәазҭгьы ԥхашьароуп
шаҳҳәоз, арахь иаҳшәым, иаҳхам, ачарақәа ҳалрықәӡ ҳцеит,
ухы аҟәақҳәа инануҟьааит, џьарамзаргьы ҳцом, убра џьа
уаатәа, аҩыжәра уаргәаҟуеит уажәы, – лҳәоит.
Дысҵеит изулакь, уажәы абас марафеҭла сҳәатәы лсыруеит.
МАС ИКАПИТАН
Жьабна ақыҭа цәгьаӡа ишоуран, ала абз хәатәуан. Ашәа­
ԥыџьаԥ рыбӷьқәа акы аақәацомызт, уҽушьуазаргьы ԥҭацк
ажәҩан аҟны иузыԥшаауамызт. Шьыбжьы илхыҵыз амра
амч ааиҭамкӡакәа ишыкшац икшон. Иҿажәкны еиҟәҩрыз
адгьылқәа ӡык нарыхәлаурпҟар аҽыф ҳәа, аиха ршны аӡы
ианӡааушьуа еиԥш, ахылҩаԥсылҩа ҩахылҵуан (ус угәы
иаанагаратәы иҟан). Аурақәа еикәаҳәны, рааӡара ааиаанӡа
ашларахь рхы хан. Ақәа «алашьҭыга» Ацуныҳәагьы макьана ирзыҟамҵацызт. Иқәҩааз аҳаскьын иаамцкласуа арахә
архақәа ишрықәу, рҵыхәақәа шьҭкәыцәаа, ицәымзкны икә­
кәаӡа иҭрысны идәықәлон. Урҭ зыҽрыларԥс изку ацәм­ҵқәа
хьаасгьы ак рымамызт «икатааиуан».
Жьабна ақыҭсовет ахантәаҩы Гәџьыра иаартыз икабинет иқәгылаз ателефон кырт-чырт ҳәа абжьы геит. Еиҭагеит.
Ианаҟәымҵӡа, наҟтәирахь адиван иқәиаз аҳасабеилыргаҩ
Гәдиса деиха-еигәо дҩагылан дҟәындҟәындуа (иҭынчра
ахьеиларгаз азы дыцәҳауазар акәхарын) деиси-еисиуа дааин атрубка аақәхны илымҳа инадикылашәа иуит:
– Ау!

– Изҳәо уарбан, Гәџьыра уоума?
– Сумырқьырсианзар, макьана Гәдиса соуп. Уара уарбан,
Кьынтышә уакәӡами?
– Соуми, сакәымкәа шеит ҳәа уаҳааит, са сзыҳәа
ишәыхьлакь…
– Иҟалеи, иддыхма?
– Адыдра амацара акәындаз, егьымацәыст. Хәымҽхан
убрахь шәқыҭахь сҩеирц сыҟоуп лекциак ҟасҵаразы. Има­
ҷымкәа ауаа еизыжәгароуп. Убас зегьы адырра рыҭ, Гәџьыра
дабаҟоу?
– Гәџьыра абра абригадақәа сынрылс-аарылсны сааиуеит ҳәа абыржәы дныҵыҵит…
– Ари амцашоура икатәоу џьара дымтәо ианаџьалбеит.
– Исҳәаз иуаҳаз ауп Гәдиса.
– Бзиоуп, Кьынтышә, аха улекциа иахьӡу маӡамзар исоум­
ҳәари?
– Џьушьҭ, абри анцәахаҵара иазкшәа иҟоуп, иахьабалакь ақыҭақәа рҟны саԥхьахьеит, уажәы убра саԥхьар, нас
сыплан насыгӡеит, «шьидевиҭ», наҟ инрыҭаны сныҵаҳа «отпуск» сцоит, ҳаԥыхьанӡагьы уаҳа ус сымам. Исҳәо уаҳау
уара? Мамзар атрубка астол иқәҵаны уцәоу?
– Исаҳауеит, исаҳа, «шьидевиҭ» сныҵаҳа отпуск сцоит
ҽаанынӡа ҳаиқәшәом умҳәеи аҵыхәтәан, ԥшӡала ҳаиқә­
шәааит!
– Аиеи, нас инеиша аӡә дыншәмыжьын, зегь убра еизганы шәрыдтәалаз, хәымҽханк асааҭ ԥ рзы сҩеиуеит.
– Уаҳа аӡәыр дҩеиуоу, умацара уакәу?
– «Џьеник ипомошник» ҳәа уажә сара иҩазгахуада, сымацара соуп.
– Ус акәзар, ак уасҳәашан. Убри злаҟоуҵо ала ақьаад иумоу абрахь иааушьҭыр, ҳара ихарҭәааны иузылаҳмышьҭуеи.
Убри еиҳа еиӷьуп, уаас иузеизааго уаҩ дыҟам, аха. Еизугода,
аӡәы ашьха ашьапаҿы дынхоит, (уаҳа аҩада царҭа амазаргьы, дцон), аӡәы ахәҵа, аӡәы арха аҵыхәан атыша дҭатәоуп,
ма еизарак анҳамаз иузақәмыршәеит. Абас, ишысҳәаз еиҳа
еиӷьуп. Насгьы… уӡырҩуоу, Кьынтышә?

– Сӡырҩуеит, иҳәала, иҳәала ацәагьы уаалнахып.
– Цәыблаҟы уикааитеи ацәада уаҳа акы уахьԥазымхәыцуеи.
Аиеи, ҵыԥх, ижәла сгәалашәом, уаантә леқторк дҩашәышьҭын
зшьап инанагоз аӡә даанҳмыжьт, зегь еизаагеит. Ҩ-сааҭк
инырзынаԥшуа илекциа урысшәала аԥхьара даҿын. Ҳарҭ
аԥсшәа адагьы уаҳа бызшәак ҳзымдыруа ҳауҟаху. Егьлек­
циаҵәҟьамызт иара. Иҟәапӡа, машьынала икьыԥхьын, 40
бӷьыц ракәу ыҟан. Иуаҳауоу исҳәо?
– Исаҳауеит, исаҳа, иҳәала, уи сара сызҿу аус ауп, сҽеи­
быҭаҵәҟьаны сузыӡырҩуеит.
– Аиеи, илекциа бзиан. Џьара днаҿамхаӡакәа апыҟҟаҳәа
даԥхьеит. Жәымҭашкәакәа Маркс икапитал иазкын уи
алекциа. Ашьҭахь ахцәажәарахь ианиас, ҭаҳмадак дахцәа­
жәар сҭахуп ус еиҳа «иавторитетхоит» иҳәеит алектор.
Мысҭафа ацәажәара иахьа ибама, иԥаҵа днах-аахо дҩа­
гылеит: «Ажәлар, абзиа шәықәзааит, абас абзиарақәа рзы
ҳаиднагалалааит! Уара, ҳасас ҷкәын, иаҳзааз уқәра уахь­
ӡааит! Ҵара мшы уҵааит, ажәытәра аҭоурых шәҟәыла иунарбеит, шәҟәыла иуҵеит. Иахьантәарак абра дларха-ҩархо
узыхцәажәо Мас «икапитан», «икапитал» шьоукы иҵарҳәеит.
Аиеи, икапитал дуун уҳәеит, уи аԥсышәала амал ҳәоуп иаанаго. Ус ажәытәан, дад, уара Мас заҵәык иоуп зыӡбахә уҳәаз,
сара шаҟаҩы здыруада.
Лакр Зосҳан, Амаршьан Мысҭаабеи, Маан Хапыжә убас
заҟаҩ сҳәарыда, рыԥсы ҭәуамызт, арахь малс иҟоу зегь рыман, ҳарҭ анхацәа… Нас уаҳа идмырҳәазт, «ибзиоуп ибзиа»
рҳәан, ддыртәеит.
Уи ашьҭахь алектор ахцәажәарақәа рҵыхәа ԥҵәазааит
иҳәан, аӡхьамԥш ааигазшәа астол днахҟьан ҳчеиџьыка агьама ба ҳәа ишеихьысеиԥысуаз имашьына дынҭатәан, дны­
ҵашәа дцеит, уаҳагьы дагьаҳамбеит, абри зегь зхысҳәаауа
аԥсышәала акәу, урысшәала акәу алекциа шыҟало, ыы?
– Сара аҩбагь сзеиԥшуп. Амала ани раԥхьа иуҳәаз,
«ақьаад аашьҭы ихаҳарҭәаап» ҳәа, сукәмыхшози, аха иабаҟоу
шәпредседатель имҳәыр ҳазҭода, уи ақәшәымҵакәа уажә
иҟалаӡом. Уи, здыруа иакәзар, иаб Ҷыӷьыц рыцҳа дгыланы

дқәаџқәаџуа дааугаргьы кьаҳәрак ҳәа игәы иҭам, макьана
дыҷкәынами, аԥсҭазара цқьа даламԥшыцт.
– Е-еи, нас уи амҳәыр аархамкәа иамуазар, уҩеи гәышьа.
Гәџьырагьы арҭ абригадақәа дахьрылоу шьҭа дааилашт.
Иасҳәап. Рациола анхацәа зегьы «адырра раҳҭап». 8 сааҭк 5
минуҭк шагу иааиратәы.
Гәдиса итрубка ателефон атәыҩақәа инырхаҵаны, дын­
дәылҵын аконтора ашьҭахь аџь ду игылаз ашәшьыр дны­
ҵалеит. Гәџьыра аҩада игәы рханы ашьхымӡаҭра еиԥш, иҿы
гәаҩаӡа ираҳаны, ихәда ашақә иасуа дыцәан. Гәдисагьы
еимаақәа ишьхыршәшәаны уа днатәеит.
– Ари ихәда шәшәуеит, ак абозаап. О-ор-а, арахь уааԥшы,
уара, шьҭа, уцәарчытеи уанаџьалбеит, ари аџь ара имгыларгьы ушә-угәашә ауркуан, – Гәџьыра днеигәҭасит.
– Ҳы, иҟалеи уара, – дцәырҳашәа дааԥшит.
– Иҟалеи умбои ҳапристатла араион аҟнытә хылаԥшҩык
диманы дааит ақыҭсовет ахантәаҩы Гәџьыра иусушьа усырбоит ҳәа. Патреҭҭыхҩык дрыцуп. Уҿы гәаҩаӡа абра ушыцәаз
упатреҭ ҭырхит, уажәы абна икабинет аҟны итәоуп, иуԥхьоит.
Унеины уусушьа дырба.
– Цәыблаҟы уикааит сышԥацәаз, удин аныс сызурҿыхеи?
Аҭаҭын умҵәоу ак ҟалеит…
– Уигьы аацәыргеи, ҳгәы ашша нықәнаҵап. Кьынтышә
абыржәы ателефон дасуан.
– Ииҭахи, амца шоураха џьа дтәамзаауа.
– Атәара иара иаҟара аӡәыр иҭаху џьушьо, аха анахь аҵәы
иларҵазаап аплан, аплан ҳәа. Асааҭ 8 рзы даауеит алекциа
даԥхьарц. Уара дузҵаан, уқьыԥаха абригадақәа «ушрылаз»
иасҳәеит. Ажәлар еизгатәуп.
– Уцаны Мысҭафа дааугар Марс икапитан ҳәа ҵыԥх иаҳаз
алекциа ҳзыҟаимҵои, Кьынтышәгьы даҳҭахӡам. Мас иеиԥш
амал иман Лакр Зосҳан, Хымҩыжә ҳәа длықәгылап…
– Уи иазууеи, аха иҟаҳҵои? Ихҳарбгалар ԥхашьароуп. Уа­
ҵәы ҳпристатлагьы даашт, са саныҟам акгьы шәаԥ-самзаап
иҳәо дҟалоит. Ак еиҿырцаатәуп.

Гәџьыра иҿы ахьынӡеихыҵуа иҩеихыхны иҽынеиҵыхны
дҿырҳасит. Гәдиса иԥынҵа акы нҭакәыркәырны аҵықь-ҵықь
ҳәа деимсеит.
– Хаир, агәабзиара умазааит! Абзиа уанаҳәозар, даҽа
знык ухы аасықәкны усҿеимсеи, Гәдиса.
– Иҭабуп, Гәџьыра, хаир уалаԥшааит, сабоуҿеимса сыжь­
цәа уҿататаӡами?
– Уи ахьсҿамтатаз аума хьаас иумоу?
– Бригадиркгьы дкылшәаны арахь даақәлашам, иабаҟоу
рҳәо инҵәааит, ирылаҳҵода ауаа реизгаразы?
– Абригадирцәа аус ахьрымоу абригадақәа рҟны ауп,
уахь иҟоуп, ус змам уара асҭаршын уоуп, уаарылагьежьыр
ушьапы неиҵумхри, уагьцәырчитеи ара ушыцәаз.
– Уара аҽгыла еиԥш угылт сара иԥсыша. Аҳасаб еилҳаргарц
ҳәа 15-ҩык аконтораҟны шәтәоуп, арахь еилшәырго акгьы
ҳамаӡам, аарҩара ҳақәнахуеит. Е-е-и анхацәа рыцҳа егьаҩ
ныҟәргоит.
– Аколнхара аԥсҟы зку ҳара ҳауп Гәџьыра. Ҳара ҳшәы­
мамзар, иаашәрыхуа шәзызшода?
– Аиаша уҳәеит, аҵароуп иуадаҩу, аарыхра закәхи, ус
гәабзиара анцәа иуиҭааит. Мысҭафа уааиԥхьаны илидуҵар,
раԥхьа аколнхара зышьақәгылаз ишаҳшоз ҳәа, еиҳабеиҳабыла рылахь дахәаԥшны рхәы ишап.
– Ахәмарра, аччара анцәа иҳагумыжьын, ҳаарыхрагьы
ыҟоуп, иаҳшогьы ҳауеит аколнхарақәа ҳреицәаӡам, аха
Кьын­тышә абар сааҭк ашьҭахь даашт иҟаҳҵои Гәџьыра?
– Саргьы уи ауп сзызхәыцуа, аха макьаназ ҳампалкгьы
схымхәыцӡацт.
– Алиасраа шԥаҟалари?
– Уа башоуп. Џьгәаҭараа… издыруада…
– Мамоу, уагьы башоуп.
– Аҳмеҭ?
– Мап.
– Ҭиҭу?
– Ҳампал ауп уагьы.

– Ассир сгәалашәеит. Уаха ахәымҽхан Мысҭафа ица шьҭи­
хуеит. Уа ԥыҭҩык еизоит. Мысҭафа иаабац иакәзар, ҵәа­хык
анимам ыҟаӡам. Убра егьцәырҵуеит.
– «Вот, вот.» Иақәуршәеит заманалаҵәҟьа.
– «Иаҳпостоновилма», нас?
– Ҳәарас иаҭахузеи?
– Нас узԥши, Гәдиса, убаашәт. Чынла са суеиҳабуп. Уҩа­
гыланы иқәыршә Мысҭафа иахь. Араион аҟнытә асас даа­
уеит, алекциа даԥхьоит ҳәа иаҳәа.
– Сузыӡырҩуеит, аначальник ухаҵкы! Аха сара сзы аума
алекциа зыҟаиҵо, са сҟны дзаауеи, усс имеи иҳәар иасҳәои?
Амалагьы ҵыԥхтәи алектор игәы «дҭыҵәом».
– Ауаа ахьеизо ауми алекциа ахьыҟарҵо, уа 7-8-ҩык
шԥаҟамлара уаҳа изакәи, ихы иҭагаланы иаҳәа. Мысҭафа
ачеиџьыка иахьа ибама. Ҵыԥхтәи алектор иакәӡам уажә
иаауа, даҽаӡәуп, аԥсышәала даԥхьоит ҳәа иаҳәа. Нас Кьын­
тышә иҭахызаргьы францыз бызшәала даԥхьааит. Аус злоу
аҩы бзиазар ауп. Машьа шәышәи бзиақәакгьы ааӡаны илымоуп.
– Уаныцәаз уҟарҟы ашақә иасуан, ак абозаарын.
– Аҳы, иқәыршә. Сара Кьынтышә дшааилакь дсыманы
снеи­х уеит.
Гәдиса дцеит Мысҭафа иахь асас ихәы аҟаҵаразы. Гәџьы­­­
ра дцеит дыцәаразы. Кьынтышә ддәықәлеит алекциа даԥ­
хьаразы.
***
Мысҭафа ица шьҭырхит. Асас ихәы дырхиеит. Иааит
Гәџьырагьы Кьынтышәгьы. Анцәахаҵара иазкыз Кьынтышә
илекциа бар-бар-барҳәа атрибуна дахагыланы урысшәала
дамыԥхьеит. Еиқәшәаз ҵ-ԥ-ҩык аишәа чара илахатәаны ԥыҭк
рқьаф аныҟарҵа: «Шьҭа анцәа дыҟоу дыҟаму, ацуныҳәақәа,
хыхь «иҟоу», акәырбанқәа рыҟаҵара иаԥсоу иаԥсаму ҳәа
азҵаарақәа сышәҭала сара наукала рҭак ҟасҵалоит» –
иҳәеит Кьынтышә, иҽеиқәырԥшьыхаангьы длатәеит.

Азҵаара: – Абри акәырбан абантәааи?
Аҭак: – Иахьынтәааз акәӡам аус злоу. Иара акада акы
ишаԥсам ауп иҳәатәу. Уи ак арбану? Акәырбан ҟазҵаз қьаф
руит, ирзыҳалалхеит, уаҳа акгьы.
Азҵаара: – Ацуныҳәа захьӡи?
Аҭак: – Ажәакала иуҳәозар, ацуҭа имҩаԥырго – уаҳа акгьы.
Мысҭафа иԥаҵақәа ааиԥхьеишьшьааит. «Нагьыч», «Нагьыч» ҩынтә-хынтә гәаныла иааиҭеиҳәеит, ари ажәа иҵарц
азы.
Мысҭафа Кьынтышә ихы наиқәкны дааимҳәа-ааимсашәа
иун, аҿынаирхеит:
– Дад, азҵаарагьы акыр имчуп, аха Анцәа дыҟоу, дад?
– Мамоу! – деиҿамсӡакәа илекциагьы дахәамԥшӡакәа
аҭак ҟаиҵеит Кьынтышә.
Мысҭафа илахь иџьамшь ааиӡатәит, дааҟәындҟәындит.
Нас инациҵеит: – Дыҟам ҳәа уазҳәада, дад?
– Нас абра итәоу аӡәыр дыжәбахьоума? Дшәымбаӡацт.
Анаука иаҳәоит «аматериализм», ас ишәзеилымкаар ҟалоит,
аԥсышәала иааркьаҿны ишәасҳәап. Анаука иаҳәоит, уԥ­
шааны иумбаз – уи ыҟам ауп ҳәа.
– Нас анцәа аӡәыр ишьҭалахьазма?
– Анцәа ажәҩан аҟны дыҟоуп ҳәа ауми шәара ишыжә­
дыруа? Адгьыл аҟны дыҟазар, усгьы аӡәы димбаргьы аӡәы
дибахьазаарын. Иара ажәҩангьы ацәа ахырххьеит. Амзаҟны
аппаратура рышьҭит, хәыц-хәыц еимырдеит, апатреҭ ҭыхны
иааит. Уи Анцәа иакәмызт изышьҭаз, аха иарбанзаалакь
Анцәа иакәым, ишьҭамҭагьы уаҩы имбеит. Маанаа Ҷыжә
дрывасуан ҳәа уи ивасуаз Аллаҳгьы ихабар ыҟам. Абар амза
ахсаала иҭнахыз, «наглиадниа пособиа» ҳәа ишәсырбарц
иаазгеит. Абар (уи зныз агазеҭ ааиҵихит) џьаракыр аӡәыр
жәбама? Мап. Убри алагьы иаабоит Анцәа иӡбахә зынӡак
аҳәара ишаԥсам. Иахьатәи ҳаамҭа ахьааихьоу, асоциализм ргыланы акоммунизм аргылара ҳанаҿу аамҭазы анцәа
иӡбахә аҳәара ԥхашьароуп, егьҵасым. Иахьарнахыс абри
сара ҳаҭыр сықәшәҵозар, ишәхашәыршҭ «анцәа» иӡбахә

аҳәара. Уи даныҟаз даҩсит, уажәы дыҟам, дагьмодаӡам
уажәы.
Ҵхагәҭанынӡа еидхалеит. Аҵыхәтәан Кьынтышәгьы ҳаз­
ҭоу ҳәа аҵәца икит:
– Шьарда зымчу дышәхылаԥшааит аԥшәмацәа ҳазҭоу.
Аринахысгьы абас ҳгәырӷьо, ҳазӡатәуа ҳаибабо анцәа иҟаи­
ҵааит! Сара сцеит. Сқьаад уаҵәы амҳәыр аарханы исзы­
лашәышьҭ.
Дагьцеит Кьынтышә.
Уи ашьҭахьгьы Ахәҵа лассы ақәа млеиӡеит.
Уажәы ацуныҳәа аҽазыҟаҵара иаҿуп.
Абас аныҟалалогьы ыҟоуп.
Ииун 25, 1968

«ПЕРСИА»
Ҳредакциа имхаӡо. Имажәӡо «виллис» ахьӡшәа машьы­
нак аман. Зны-зынла ҳнақәтәарц иныҵаагалон. Уаа жәеи­
заҩык ашьҭахь иагәҭасуан. Ус иркәыруа ҳашнеиуа абас
ҩба-хԥа верс ҳцаанӡа иаахәарчарны, ҩынтәҟа-хынтәҟа
аҵықь-ҵықьҳәа иааимсаны аҷҷаҳәа аус ауа иалагон. Асааҭ
иаҩызан. Цқьа ианшалакь нас иныскылоит ҳәа уалагаргьы башан. Ихәыҵырҩыз Кәыкәын икамбашь иаҩызан, ахы
раҳаны иандәықәла – еесс, ицеит ауп. Ахәылԥаз икарауараха агәараҳәа, ишуа иааиқәтәон.
Агараж иҵганы аус анаҳаруа агәылацәагьы ҳацхраауан,
ршьапқәа ыҵарбаӷьаны ашьҭахь аганқәа кны иагәҭасуан. Ус
ҽнак ирҳәазаны, иргьаланы иҳаманы ҳашцоз, шәаангылеи
уара, зны абри еиԥш сара машьына сымбацт, иаӷроу аабап иҳәан, иаанкыланы акапот ҩраҳаны дҭаԥшит. Иубеи
ҳәа ҳиазҵаан, аматор ҭагыламыз џьысшьан, иҳәеит. Иазаауеи, зны убри убас цәгьаԥсышьала аус аруны ҳақәтәаны
ахәшәтәырҭаҟны ҳалацеит чмазаҩык даабарц.
Уа агәашә илагылаз абудка дҭатәан ахьча. Аҳәагәыжь ду
(адаҷ) рхханы иҟьаҟьаӡа иаартыз агәашә ибжьдан. Иҭаххар

ҳауижьуан. Иҭаххар ҳҿырзза ҳааникылон, инапы ҳануп.
Абар уажәгьы алар еиԥш ирхханы аҳәагәыжь бжьдоуп, ҳара
уа ҳадгылоуп. Ахьча ҳәа агәашә иладыртәаз хьи захьӡу
ззымдыруа аӡә иоуп. Ашофер снеиҿаԥшын, шьҭахьла уца
уара, уи иуам, шьапыла снеин ачымазаҩ дбаны сааиуеит,
сҳәеит. Шьҭахьла ҳазлацои, ҳагәҭамскәа, иҳәеит ашофер.
Уигьы аасгәалашәт, шьҭахьла ҳазго аскорост иҭашәаӡомызт,
Игнат иеиԥш, еимариашаны ԥхьаҟа акәын иахьцоз. Убри
аамҭазы ҳашьҭахьҟаҵәҟьа «волга» еиқәаҵәак цырцыруа иааины иаагылт, знык ҳара ҳаҽҳазҭажьыр, иаргьы ахьшәҭҳәа
инаҳашьҭамлагәышьози, изҭахыда амца шораха шьапыла
аныҟәара, уамак бжьамзаргьы.
Иҟаҳҵарызеи нас, сылбааны алахь кны шьҭахьҟа сагәҭасп.
– Мамоу, ахьча ихышә дкылԥшны ҳвилис ҳәакьышә алахь
иану аҩыра даԥхьоит, ихҩааланы қьаадк анҵара даҿуп,
издыруада ҳауижьыргьы, – иҳәеит аныҟәцаҩ. Азамана –
сҳәеит, саргьы, имгәыӷкәа иԥсхьада.
Ҳҩыџьегьы ҳаблақәа кылырҵыҵны нахьхьи ахышә икы­
латәоу ахьча иахь ҳаԥшуеит. Иара дмыццакӡакәа нбаннбанла ахҩаалара даҿуп. Николаи ихаантәы аҵара змоу
ф-нбанк роуп абрысҟак дыздхала. Ҳмашьына иҳамоу, уа­ҟа
«Пресса» ҳәа иануп. Џьара нарушениак аныҟаҳҵогьы ҳааҿ­
нахлоит, аҩыжәра ыҟоуп, аӡыжәра ыҟоуп, уаҩы дыз­қәымшәо
иҟоузеи.
Аиеи, иа Анцәа ду хыхь иқәтәоу иџьшьоуп, ҳгәашәхьча
ичавра хәашь ду ааҭыган иџьаба ихы-иҿы иалнаҳәаз аԥхӡы
наларбаны, ииҩыз иқьаади ҳмашьына алахь иантаталаз
«Прессеи» ааидкыланы наҟ-ааҟ илаԥш наршә-ааршәуа цқьа
инҭырҳәыцааны дахәаԥшит. Еиқәшәозар акәхап, ихы-иҿы
гәахәарак аақәлан, ибз иқьышә иаақәишьит. Иҭаҭын ҟаҵа
аацәыриган иниҿыҵакны амца нацраирсит. Ари аамҭазы
сара схы соужьҭызҭгьы знык акәым хәынтә счымазаҩ иҟны
сцаны саахьазаарын. Аха иалухи аҷырҟәынта ҳакит. Ус иаатит аџьаама ашә, ахәараҳәа аҳәагәыжь лоуижьын абетон
илықәҳаит. Гәыр-гәыр зыхгоз ҳмашьынагьы уахь инагәагәеит.
Агәашә ҳагьынҭыҵт, иҳәагәыжь дҩахан дырҩегьых икыдырх-

хала иҩҿеиҳәеит. Ҳара ахәшәтәырҭа агәашә ҳанҭашәкәа
ҳцеит. Ҳчымазаҩ дбаны дырҩегьых ари амца зхысша
агәашә ҳанаадгыла, ани, ԥыхьа ҳашьҭахь игылаз «аволга»
ауимыжьызт агәашәхьча, уажәы уа иҭатәаз ахацәа ҭыҵны
агәашәхьчеи дареи еилоуп, абар-абар еибадықырц акгьы
рыгым. «Абри амашьына ауужьт ҳара ҳзоуумыжьи?», – абри
ауп еимаркуа.
Агәашәхьча ҳаниба, инапы ҩышьҭихын ҳмашьына алахь
иану инақәырхханы ҿааиҭт: «Ара иану жәбоу, ара! Шәарҭ
Жәыргьыҭынтә ҳааит, ҳауужьроуп ҳәа шәысҿагылоуп, арҭ
ахьынтәаа жәымбаӡои!» – иҳәеит. Ахацәа рыԥшьҩыкгьы ҳаи
иакәым ҳахьзаап убоу рҳәан, ацәҳара иаҟәыҵны ҳмашьына
алахь иану аҩыра аԥхьара иалагеит. Знык иаԥхьеит, ҩынтә
иаԥхьеит, зежәынтә иаԥхьеит! Нас иааҳәын агәашәхьча
иҩеиҿаԥшит. Иабантәаа ари амашьына, ара акгьы аҳәаӡомеи
ҳәа.
Уара шәарҭ агәықәхақәа ҵара шәымаӡамзаарын, абра
ианыҵәҟьоу шәзанымхит: «П-е-р-с-и-а – убрантә ауп иахьаа», – иҳәеит, иҽагьааирҭынчит.
Ииун 28, 1988
Москва

КАМШЬЫШЬ
Аӡлагарџьы иоуп Камшьышь ҳәа сызҿу. Ҳаиҭеиқәшәахт
иареи сареи дук хара имышьҭыкәа. Аха аӡлагара аҟны
акәӡам, уажәы ҳахьеиқәшәо абазар аҟноуп. Ари аҽны
сара сԥырны ажәҩан салало аҟынӡа сгәы шьҭыхын, иара
абыжьрабжьыҵәа адгьыл дыҵазар иҭахын, игәы лаҟәын.
Сара сусқәа ахьыџьџьаҳәа ицеит ари аҽны. Абазар аҟ­
ны чара хпыҿк аҟны еиԥш ауаа еилыхауан. Ауаа ҳәа иҟаз
сара исықәлацәо ахбыџқәеи, аҳәсеи аҭаҳмадацәеи ра­
кәын, арра иаҵанакышаз арԥыск, хаҵак дубомызт, урҭ зегьы аибашьра иҟан. Сара сан дҵас исылҭаз, исыԥхықәыз
ԥықәсыларак наимуӡакәа (џьара заҵәык сеибамгеит, аха
уи ушьҭан ишәасҳәап) инасыгӡеит. Ашәыра ҭашш азна

еиҵа­ҟааны аџьамшьы ыҵҳәаны, ипашәшәӡа ицәырҳәны,
чыгә-чыгә иҿаҳәаны исылҭаз абазар инықәҵаны исҭиит.
Еим­кәыцәаа ауп ишыргоз. Ҩышәи ханҩажәеижәыбжь мааҭ
ахьхьа-хьхьаҳәа иаасдыркит. Апышәкақәа (ус акәын ирыхь­
ӡыз ибыбкӡа амгьал хыгьежьаа хәыҷқәа ирҭиуаз), сан
ишсыдылҵаз еиԥш, хԥа аасхәеит ҳацыԥхьаӡа акака ҳауратә,
амала, саԥыҩланы исҳәоит сара сыхәҭа аҩныҟа исзаамгеит, уа исамхафеит, ишԥахааз иқәынҵәааит иара. Акы акәым
жәаба сымазар изысымфози, аха иааг.
Ҩышә мааҭ ҟьаҟьаӡа инахҭынҵаны ҩ-кьылак ашыла ҷаԥшь
аасхәеит. Нас аӡәӡәага сапан ҟыра дук, аномерқәа аныззала иаасхәеит, аҵәца азна аӡыхьшәашәа аахәаны изжәит,
уи са исықәлацәаз аҷкәынцәа аченкақәа аш рхаршәны аӡы
рҭаҭәаны «есть холоднаиа вода» ҳәа ирҭиуан. Арбаӷь асахьа змаз аҵәаԥшь еиԥш иуаркалеиуаз аҵәқәа ирхаргыланы
ирҭиуаз сашьеи сареи ҳзыҳәан ҩбаны иаасхәеит, аҵабырг
зегьы иреиӷьуп, сара стәы аҩныҟа исзаамгеит, уа исамхафеит, сара стәы, сара стәакәын, ианысҭахыз исфарын.
Абасала, сеикәаҳәа-еикәаԥса, сџьыбақәагьы кеи-кеиуа
ирлашаны абазар саалҵуаны еиԥш ҳгәылацәа Камшьышь
деимырхха дыкны дшааргоз саарықәшәеит. Ашьа иҿаҭәын
иара. Еисрак даланагалама иқәынҵәаз аасгәахәт, еисрамызт
уи. Сҽысшьуеит ҳәа асберкасса аҭӡамц ихы аниҟьазаарын,
ицыз ауаа ианаамҭаз дрымкызҭгьы иҽишьҵәҟьаргьы ҟаларын.
Иҽзишьуазеи ҳәа уаҩы иҳәогьы иҟамызт: ԥшьба, хәба ааҵәа
аԥара ԥарчаҵас акгьы изаԥсамкәа иааимпыҵахазаап. Усҟан
аԥара ԥсахра ыҟан, ианеилга-еилыс ауп мызкаҟара анбжьыс
ауп иара ианиаҳа, аколхоз машьына «полуторка» ала даханы иԥара ааҵәақәа иааигаз…
Ашьхагьы ирахә кацаны ԥыҭк иԥсы ишьеит, усҟан иҷкәын
аӡлагара дахатәан. Данаагьы лассы имаҳаӡеит, избанзар
иазҳәодаз уи ажәабжь, ауаа ирхашҭхьан, ҿыц ирԥсахыз
аԥарагьы дырҩегьых афҩы агара иалагахьан, мгьал хыгьежьаа хәыҷык ҩыниажәа-ҩыниажәа жәаба мааҭ рҟынӡа инеиуа иалагахьан.

Аҽынгьы сан абысҭа аура лзымгәаӷьит, ақашь ҵаӷа ҳа­
хатәан, амала иацы аҵкьыс ҳеиӷьын, «апышкақәа» ҳаман,
сан лхәы абжа сара исылҭеит, сашьа уи имбазшәа ҟаиҵеит.
Крыфаншьҭахь сан хыма-ԥсыма аӡәӡәара далагеит, аӡә­
ӡәатә рацәаӡаны еиқәыжьны илыман, нас ҳаргьы ҳалкәа­барц
лгәы иҭан. Аха уара иуӡбо Анцәа иуциӡбозароуп. Аӡәӡәара
дагьалагеит «ҟоу» ҳәа ашәара иақәшәаз аӡәы иеиԥш лыбжьы геит амаҵурҭаҟны. Сыҩны саныҩнаԥала, илзаасхәаз
асапан абаҟоу, лнапсыргәыҵа иануп ӷәыцәмаҟьа ҽыҭк!! Маҷк
асапан нақәыртәаны, номерқәак наарханы аӷәыцәмаҟьақәа
рҭиуазаарын, уи сара иалыздыраагәышьази, абриак аҟноуп
ари аҽны сахьеибамгазгьы. Сара исыбарги – Камшьышь?..
Ииун 29, 1988
Москва

УИ АХЛЫМӠААХ
Хшыҩҵак змаӡам аибашьра. Ари ҟалеит зқьи жәшәи ҩын­
ҩажәеи акы шықәса рзы. Ленинград ҭаԥаханы, мацәазны
икәыршан афашистцәа рыла. Еибганы убра иалҵыз, иацәын­
хаз хаҵаки сареи ҳаиқәшәеит аибашьра ашьҭахь. Убри ис­
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3393
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3522
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2433
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3475
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2409
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3457
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3453
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2377
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3437
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2347
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3521
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2405
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3501
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2411
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3518
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2339
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3488
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2464
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2361
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2367
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3443
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2427
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3471
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2423
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3495
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2443
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3465
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2420
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3521
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3510
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3488
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2365
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3590
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2501
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3494
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2381
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3538
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2034
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3418
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2043