LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20
Süzlärneñ gomumi sanı 3521
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ҟаԥшь-ҟаԥшьӡа, аҭаҭын лҩа рхылббы. «Акы сархеи», «Уара
утәы уамыхо уцәа уахааит», «Умаҭәақәа ахҭынҵаны уахьахо збааит», «Уаха дад, угәы ашша иқәжьу ԥнаҽып», – игоит амаҵуҩцәа рлафшьҭыбжьқәа. Анахь ииаҟьоит ,арахь
ииаҟьоит амаҵуҩцәа џьоукы иаҭахы, иаҭахым амца инаҵхоит
(амаҵ иуеит рҳәарц акәхап), џьоукы ани, агәи агәаҵәеи иачычоуп, нас ашьхыцқәа ацха ишахапапо еиԥш, уи аҽҳәаргьежь
иаакәшоит.
Ус аԥшәма иҭынхацәақәак ицны дӷьаҵәыӷьаҵәуа арҭ
амаҵуҩцәа рҟны даакылсуеит. Амца еилажь шаԥ-шаԥ иҽ
ҳәаргьежьуа иркыз, аҵәҵәыреи аџьыкҵәаҵәеи еиларшьыхааны изықәҭәаз, агәаҵәа рыԥх ааҽҳәырԥаан аҩы иадкыланы, иааиз рқьышә инықәыркит, урҭ рххымшақә абри азы
иааизшәа.
Аԥшәма аҵәца имкыр, дкуп ҳәоуп ишыԥхьаӡоу, нас има
ҵуцәагьы даарак игәхьаа ркӡом, усҟан акы иамеиҷаҳаӡакәа
иаурыжьӡоит. Иахьа абар заҟантәи «анцәа улԥха» ҳәа аҵәца
икуеижьҭеи аԥшәма, икааит, ус иаҭахуп ачараҟны.
– Ахьмыӡӷ жәгар ҳәа сшәоит, абааԥс! – дналагоит нас
аԥшәма хыжәлас агәаҵәа ца днацҳауа. – Ишыжәбошәа
ауаа рацәахеит, арахь ашьтәқәа кьоу зҳәара акы ыҟамкәа
инҳарҵәеит, аха узыхәои, агәарԥ иамкыз аџьар қазы-қаз
уа абаҳча иҵажьуп, ашьаԥа – ус. Еицлабрашәа иҟалеит
акәымзар, иабасҭахыз арысҟатәи ауаа рыԥхьара, аха шьҭа
исҳәои. Акәац ҳзымхар ҳәа ацәшәара ыҟоуп. Сыжәқәа ҩба
ыҟоуп шәрылаԥшны, иаҳа ибзааины иҟоу, кәацла иӷәӷәоуп
зышәгәахәо акы шәааха. Дара руак еимгәоуп, егьи ахш
амҵуеит, – иҳәан, дыццакны ицыз има ашьаԥахь деихоит.
Ачарақәа еиқәымшәеит, аԥхын мшы каҵәаха ианроу
еиханы иааит ауаа. Уажәы еижәыланы ахаршә ҭира иаҿуп.
Аҭаца дзыжәлада, дыԥшӡоума, ашәа ҳәатәума икәашатәума
– хьаас измада. Ахаршә, аҩы, аҩныҟа ацара. Абарҭ роуп иахьа иуснагӡатә хаданы иҟоу ачараҟны.
Ахш змыҵуаз Ҷаԥшь иақәшәеит ашьра. Шаҟаҩ ахәыҷқәа
еиҵанааӡахьазеи, аха шьҭа иааит иара аамҭа, уара ишьы,
сара исшьы ҳәа еимаркуеит. Ихьаҳәхьачоит. Изҭахыда ахш
агәаҽаҳәа измыҵуа ажә лкажьны ашьра! Аха иҟарҵари,
ахьымӡӷ азоуп ахаҵа аиқәа зишьеиҵо. Ауаа дрыԥхьеит,
аԥара рымихит, аха ирҿеиҵоз акәац имоут рҳәар…
Ажә шьаҳаны икажьуп, аблақәа нҭырпжы-ааҭырпыжуа
ауаа ирыхәаԥшуеит: «Ирҭахи абарҭ ауаа? Рхәыҷқәа хшла
исааӡозар, хырҳагамзар ԥырхага рысымҭозар?» ҳәа. Уи аԥа
хәыҷы нахьхьи аҵла ашәшьыраҿы аҵыхәа хәыҷы кәаталеиуа,
аҳаскьын иаҵәара ахыцәқәа инрымцклас-аарымцкласуеит.
Ажә зшьраны иҟаз раҳәызбақәа рышьҭахь инавак-аавакуа,
инаскьа-ааскьақәеит. Ҷаԥшь қьуеит, иӷызуеит ишьҭырӷәӷәа
иахьырку.
– Хаҵа шәыҟами уара, ари ас икажьны ҳахәаԥшуама? Уа
ха еизаны уаҵәы акәу џьышәшьома, иахьоупеи ачара, – ибжьы ааиргеит амаҵуцәа реиҳабы. Ари заҳаз иаҳагьы инас
кьа-ааскьеит. Ҷаԥшь акыкмацәа шәпақәа ҭчаа-ҭчаа иҟаз,
ахш аарҭыжжын, инагәыҵашт иахьыҳәаԥыӡыԥуаз акәхап.
Амаҵуҩцәа аҵлақәа инарывагылазгьы убап. Изҭахыда агә
наҳ а аҟаҵара. Аиҵырҟәаҟәеи-ахәыҷи, арахь…
Абри аамҭазы дахьаакылҟьаз уаҩы имбаӡакәа, хаҵа
нарҳак даацәырҵит. Ажә даахагылеит. Абри џьара дызбахьеит ҳәа сыҟоуп, аха иабыкәушь? Сихәаԥшуеит. Ихәда,
илымҳарҭа, ихы-иҿы зегьы акамаршша ахысызшәа иқә
цырцыраауа иҟан. Ԥыҭк снеизааигәахан дкылкааны сиҿаԥ
шуеит. Ихы шлаӷәаӷәаӡа, асы ықәнаузшәа иҟоуп, арахь
иуаҩыбжарагьы дымнеицт. Дабазбахьоу? Аа? Избахьоу аӡәы
иоуп. Мап, башоуп, дсыздырӡом.
Иблақәа, аа, џьа дызбахьеит ари ауаҩ, аха ацәырԥшӡа
даганы дышԥаҟоу мшәан?!
Ари ахаҵа дызхагылаз, еизҟьа имҵажьны иркыз аҳаиуан
дахәаԥшуан. Ԥыҭк аџьа шабахьо мҩашьо, амагана аҿы
еиԥш акыр иҭыфааны иҟаз иаҳәызба ду ахәықьҳәа аҭра
иааҭырҵәрааны, инапсыргәыҵа инықәшь-аақәшьны, иҿы
азааигәара инаганы «ух» ҳәа днаҿаҭәҳәеит. Нас блаҵарыла
днахәаԥшит, аццышә еиԥш иикыз иаҳәызба цырцыр ду. Уи
акәхеит, ишьҭагәаны иркыз Ҷаԥшь ахәда иныҵеикит. Аԥсы
шҭоу ифашашәа зны дааҿамҟәеит. («Ишьаанӡа иԥсы иафеит,
рацәа акәац агьама бзиахап шьҭа», – иҳәеит, аӡәы ибжьы
нхәыҵакшәа). Ианаџьалбеит, издырӡо аӡәы иакәушәа сыҟоуп,
дабазбахьоу нас? Иблақәа рҭартәашьа, ицәажәашьа, ааи,
анцәа иныс џьара дшызбахьоу абри ахаҵа. Ни… Никә… Мап,
уи иакәымзар ҟалап. Дызусҭахарыдашь нас абри ауаҩ?
– Фу, намыс анцәа ишәимҭааит, агыгшәыгқәа! – лҳәан,
иццакуаз џьоукы рзы бысҭа ҿахрақәак згоит ҳәа зчанахқәа
кны иааиуаз аԥҳәыс лԥынҵа аӡәы дынҭасызшәа днагьежьны,
дпарпаруа дахьааз лҿыналхеит, зычаргә згәыҵаш ажәхьа
замана ишьны иахькажьыз данынахәаԥш.
Ажә ахы хырԥа зымҩа инышьҭаҵаны, иҽыҩеиҵихит ани
ацәырԥшӡа иаганы иҟаз ахаҵа. Ахәац даблызшәа деилбаҳҭеилабаҳҭӡа дабазбахьоу, мшәан, абри ахаҵа. Иблақәа ҳаҵ
ҳаҵауа, ибз иқьышә иаақәшьуа, ахырхырҳәа ашьа ицоз
дазԥшуан иара. Нас иаҳәызба насҭха ашьац инылшь-аалшь
ны ацәахыхра аҽазыҟаҵара дналагеит.
Амала, иоура, иҭбаара, иныҟәашәа, ицәажәашьа, мшәан,
иара ихаҭаҵәҟьа иоуп. Иара дарбан? Никә… Мамоу, иара
иакәӡам, асҵәҟьа ауаҩы дҩашьо убахьоу, изакәи аԥсҳәысҭра
даганы.
Нас ари ауаҩ, «ала зшьыз итыш иҳәалоит» ҳәа шырҳәо
еиԥш, имацара заҵәык длеи длахалан, махәҿала мацара
ацәа лахырҵәрааны, аԥҳәыс бзиак кәтык армазеира иақә
лырӡшаз аамҭа иҭагӡаны ажә еиҿыҟьҟьа, жьыхәҭа-жьыхәҭала
еилыршәшәаны инаганы, уи иазкны рнаҩс игылаз аӷәы еидсала ҟьаҟьақәа инарықәижьит.
Имахәарқәа аӡы ларықәрыҽҽо ашьамшьақәа ларықәӡә
ӡәааны иаагәылиршәеит. Даргьы цәырҵәаны, ацәырԥшӡа
иаганы иаацәырҵит.
Дабазбахьоу, иан лхы лсеит… Сынидгыланы; «Абри уара
уоума?..» – сҳәар, ус ԥхашьарахап. Ашьха ԥсшьараҳәа са
ныҟаз қьалак аҟны исыциаз, исыцгылаз, нас сара ара ашьха сасыс сыԥхьаӡаны, дцаны ашьтәа аахәаны иааганы,
ауаа ақәыршәаны исзызшьыз иакәзар сҵаар ԥхашьароуп,
иакәымзаргьы ԥхашьароуп. Ашьтәа акәым акәты ззушьыз
асас бзанҵы уихашҭӡом. Ҳаи, абааԥс иухьи иҳәар, аҽада
сақәымтәеи. Уи шьҭа ҩышықәсаҟа ҵуазар ҟалап. Иакәушь?
Сиҟәаҵып наҟ, иакәзар иоуп, иакәымзар иакәым, сидызцалеи. Ашьаԥахь сцар, слатәаны сқьаф ҷыгәӡа иҟаҵаны, аҩ
ныҟа сеихап. Сдәықәлеит ашьаԥахь. Аӷьалпал бжьы ашьаԥа
иҵҩҩуа уршәны ажәҩан уаланаҵап. Еиханы атәара иаламгацт макьана. Алажәқәеи ҳареи ҳнеилыс-ааилысуеит.
Снаԥшы-ааԥшуа агәарԥ сшықәгылаз сышьҭахьала сыжәҩа
аӡәы иааникылан, снаирҳәит. Иара!
– Сузымдырт акәу, нас, Махаз? Даара иҭырҳәыцааны,
икылкааҵәҟьаны усыхәаԥшуан иахьа, аха суцәҩашьазаап.
Уи џьасшьаӡом сара. Ус зыхьқәо рацәаҩуп. Сыблақәа рылоуп
ԥыҭҩык сызлардыруа, ԥыҭҩык сцәажәашьала зҳәаз еиԥш.
– Уара Никә…
– Ааи, сара Никәала Андыба соуп, сакәымкәа иҟьаҟьаӡа
иаашеит рҳәар иабыргызеи. Уаала зны маҷк абас ҳнавалап,
акы уасҳәар сҭахуп, ҳаагьежьыр сара аҭыԥ бзиаҵәҟьа узылхны, ҭынч усыртәоит. Уажәы иумбошәа ауаа цәгьа ижәпахеит,
ишакәымз еилаҳаит, уанӡа маҷкгьы иааӷахап, – иҳәан, симаны сигарет цыблаахала ихҟьаз ал абаҳчара ҳныҵалеит.
Амра хышәҭхьан азы, маҷк аҟара аԥсгара ыҟан. Аӡахәашәпа
иқьақьаӡа ишьҭарҽыланы измаз лык ҳламҵатәеит, ҳаиҿаԥ
шуа. Аӡахәа рқьақьа ҟәардәра ҳазнауан.
– Шьҭа судырит, нас. Ашьха мыз наҟьак ачеиџьыка еи
цаҳфон уареи сареи. Уара ууаҩ қьиоуп, ууаҩы иашоуп,
зхәы иаҭәҳәаны крызфақәо ауаа цқьақәа уреиуоуп, убри
азын уаҳаҭыргьы бзиоуп. Уи аҟынтә амц сызуаҳәом. Абас
уара уеиԥш, ԥаса сыздырқәоз уажәы сырзымдыруа цәгьаԥ
сышьала адәы сықәзырхаз уасҳәар сҭахуп. Уи сара аӡәгьы
иасымҳәаӡацызт азы зҵара цәгьахаз акәты еиԥш, хгарҭа
сымамкәа адунеи сықәхеит. Сартәом, саргылом, сарцәом.
Уи засҳәашагьы ҩыза ҽеи дсымаӡам. Ҽыԥхҭи ҽыԥхҭи
еибабӷуеит ҳәа исымоу сара сҩызцәа аҵафацәа роуп.
Сажәа сроур сҭахым, арахь ари иубо ар иқәжьу рыртәара
ҳалагоит, аха агәаҟ дшәаҳәаҩуп ҳәа, угәы ԥысҵәагәышьашт.
Аиеи, ҩба-хԥа шықәса рыҩныҵҟала субар сузымдыруа
сҩашьахеит. Анцәа иоуп сзырҩашьа хыхь иқәтәоу Анцәа ду!
Егьсықәнагоит уи. Уӡырҩла арахь.
Сҽеибыҭаӡаны сшизыӡырҩуагьы цқьа сыхшыҩ изысмышь
ҭуашәа игәы иабон, смахәар днахьысшәа дсыдҳәаҵаланы,
дналагон.
– Ана ажә анысшьуаз ачанахқәа кны иааины ицаз аԥҳәыс,
«фу, намыс анцәа ишәимҭааит, агыгшәыгқәа!» – зҳәаз... Махаз, хшара думоу уара? Уажәы аҳа сшықәыз аҵәахьы сиасит,
аха…
– Ааи, Никәала, исымоуп ахшара.
– Изҿузеи, заанаҭс ирымозеи?
– Аӡәы амашьына ныҟәицоит егьырҭ ҩыџьа аҵарақәа
ирҭоуп. Изхуҳәааи?
– Аӷьычразы ишԥаҟоу?
– Аӷьычразы шԥа?
– Аӷьычра – анапышьҭшьра. Уи рылоу?
– Мап. Уи ҳамагәышьаӡам, Анцәа иҳаҭәаимшьеит.
– Зынӡакгьы, зынӡакгьы?!
– Уи аиуа ҭаацәала, бшьҭрала ҳшьа-ҳда иалагәышьаӡам.
Узазҵааи?
– Ус. Саргьы сани саби ршьа иалаз џьушьоу, махәҿала,
ԥхӡашала акраазрыхуаз уаан, аха сара афацәа сырфеит
умҳәозар. Џьорка еиԥш ихыркәшазар акәын исықәнагоз,
аха иабаҟоу. Ҟоҳ, ирышьҭыбжьузеи иабаҟоу рҳәааит ача
ра уаа. Макьана ас зышьҭыбжь ҟалаз итәаны иангыла
лак изеиԥшрахари? Абан лажәкгьы ианамыхәаӡа авандыҷ
кыдыржәазаап, иҳәҳәо ицоит. Изхысҳәаауа, шьҭралагьы
ауаҩра аныҟало ыҟоуп, аха еснагь еиԥшым. Кәынта даа
дыруеижьҭеи «Кәынтажә» ҳәа ишьҭоуп, уаҩ дихаҵгыла
ӡом, арахь ихшара урыхәаԥши. Реиԥш ҳҟаландаз ҳәа ухы
рыдуныҳәалап. Бадра иеиԥш хаҵа ҳқыҭан дыҟамызт, аха
ихылҵыз? Абас ауп адунеи шыҟоу.
Ишудыруа еиԥш, саб рыцҳа дыԥсит, ҵаны, иқәрагьы акыр
неихьан. Иаџьал ааин даманы ицеит ҳәа ауп ауаа ишеи
лышәкааз, ишшәаҳаз. Мап, ус акәӡам уи ахәаша иԥсышьахаз.
Џьара сизкылгоз џьышьа иаасзааимцаз ҳәа акы ыҟам, аха
иамуит. Абарҭ иӷьазӷьазуа ҳазҿаԥшуа ашьхақәа узеиҭаго
аҳа сара саб иҳәатәала шьаҿак ԥхьаҟа сизеиҭамгеит. Иуа
сымҳәеи, сани саби лабжьагас иаасарҳәоз зегьы ацигар хыблааха аӡәыр изы хәарҭара алоу аҳа сара сзы акапеи кылҵәа
иаԥсамызт. Зыҵа кылҵәоу – аҳаԥшьа. Џьорка ахаҭаҵәҟьа
сакәын.
Џьорка ҳәа саб цәык иман. Аҩыза авакны аффаҳәа ҳцәаӷәо
ҳашнеиуа акәымкәа, Џьорка хьышьррыххо, ихьышьшьрыххо
мацара, адыхҳәа иаагылон. «Ихсыркәшап сара уабацари»
иҳәон сабгьы, днеины иааҵыртланы афырмахьц цаҳәцаҳәо
иҩахҟьаны, ацә уаара ҳәа агәылацәа дынрылалон. Уаҳа
ԥсыхәа изазымуит уи Џьорка ҟадыџь. Ҽнак, исгәалашәоит
афырмахьцқәа рыла данамыхәа аигәышә рҳәҳәа азқәа
илага илкыдиҵеит. Илышьамхышгылан, аӷьара илылатәеит.
Уасла уҭахызар. Иԥҵәеит иеигәышә ахәы. Убасҟан еиԥш
саб ичҳара хыҵны дсымбацызт, шамахамзар. Нахьхьи, аанда дналсын, аҿҿаҳәа иааимыхны, ҵәҩанк анышә ахатата
иҩыҵиҳәан иаага иркылтымуа аҿааирхеит. Импыҵаԥсит
ҳәа акәын сгәы иаанагоз. Аҵәҩан ақәԥҵәҵәаны наҟ инкажьны, аӷьатамақәа анааҵиртла, илеи илаҵҟьан, акгьы змыхь
ӡаз еиԥш иҩт. «Ихсыркәшап сара уабацари», ииҳәац нашь
ҭеиҳәеит. Ҵабыргны, хьачхәама азы ихиркәшеит Џьорка
ахы. Еицырҵәҵәа аԥсуа мца иахакнаҳан.
Иуасымҳәеи, сани саби лабжьагас иаасарҳәоз зегьы ацигар хыблааха аӡәыр изы хәарҭара алоу аҳа, сара сзы акапеи кылҵәа иаԥсамызт. Зыҵа кылҵәоу – аҳаԥшьа! Џьорка
ахаҭаҵәҟьа сакәын.
Иазаауазеи, ҩызас сышьҭызхыз аччиацәа, акәытӷьычцәа
ирҳәоз сара сзы адунеи аҟара амч аман, ражәа мхылдызны
саднаԥхьалон. Абырсааҭк ҳааибамбар ҳаԥсит акәын дареи
сареи.
Урҭ санырзыӡырҩлоз сылақәа ҭыгьежьааӡа иҭбаахон
слымҳақәа ҵарӡа, Алиас иҳәа алымҳақәа реиԥш иџыхӡа
игылон. Аӷьычра, ӷьычроуп нас, иахьа иҵымҵыргьы уаҵәы
ихпыжӡа иаацәырҵуеит. Ҳқыҭа инрылаҩ-аарылҩҩуеит сыӡ
бахә «заманахәха». Абри иҷкәын иҟаиҵаз ҳәа акәын ишыр
ҳәоз. Сҩызцәа усгьы Еқәыԥ иҽыӷра еиԥш иззымдыруадаз.
Саб рыцҳа ацәгьеи абзиеи ахьыҟоу унеишь-уааишь ҳәа
зарҳәоз, ацәгьа-мыцәгьақәа ҟазҵоз ирызкны аизарақәа
анымҩаԥигалоз алабжьаразы раԥхьа иқәдыргылалоз, амҵ
ԥыруазар иуаҳаратәа иззыӡырҩлоз дабаҟаху. Ԥшьаала
иааиҟәаҵит. Зны-зынла уааи ҳәа анизаарыцҳалоз ыҟан,
аха «ухатәы ӡбаны ӡбара уцала» ҳәа реиҳәон. Уигьы ибӷа
ахәаршы ааԥысҵәеит. Аха дырҩегьых игәы камыжькәа деи
ҭанасылагахуан абнаршәыра сылигарц, мҩахәасҭа хәыҷык
саниҵарц. Аха уи закәыхи, ииҳәо акыр саҳауа сыҟахызма.
Иара арахь дсыхон, сара наҟ – џьаҳанымҟа.
Иазаауазеи, иҷкәын заҵәы егьшсылымҵуаз аниба днахан
аҳәынаԥшьыга ифеит, сагьааилгеит. Имгәа акы ааҭалан дагеит ахьӡхеит нас. Ажәа уасыршьит, иаасыркьаҿуеит.
Сара ари ауаҩ уамашәа дбаҵәҟьаны, сҽеибыҭаӡаны си
зыӡырҩуан. Еилбаҳҭ-еилбаҳҭӡа, ацәырԥшӡа иаганы иҟаз
ихы-иҿы, ихахәда, илымҳарҭа, инапқәа уҳәа инеиҭак-ааиҭак
ны срыхәаԥшуан. Иара аԥыр-ԥырҳәа инапы ҟьауа, дгәаҟны
акәын дышцәажәоз.
– Аӷьычра зымҵаз ухәыҷқәагьы уаргьы сшәыкәыхшаны
быжьра-быжьҵәа сцааит, уаҳа исҳәозишь. Иугәалашәоит
ашьха ашьтәа шьны иануҿасҵоз? Ацәа сцәоуп. Уа ашьха
ҳгәылацәа ахьшьцәа рырахә ахьтәаз алашьцаразы иры
лкәыцәааны иаазгаз ауп, ижәны еимгәырԥԥо ҳазхатәаз. Ашь
ҭахь иансыҵырдыраа, аҩынтәхәгьы сдыршәеит, ихәхәаӡа лабакгьы сызқәа инкыдарҵеит. Ашьха – анцәа иҭыԥ, ацқьара
аҟны аӡәы дӷьычуа уаҳахьоу, аха…
Абри аниҳәа сҩышьҭыԥеит, сцәа сааҭаӡыӡааит. Усҟан исфоз ажьыхәҭа ԥсыла, уажәы имырсаӡакәа, имыҟәӡа сымгәа
иҭаны иаасҿысхындаз аасгәахәо, сгәы ааилахынҳәуашәа
сҟалеит, аха исычҳаит, ҿысымҭӡеит.
– Абар шьҭа анцәа имчала, ԥҳәыс даазгеит, сҭаацәарахеит,
хшаралагьы анцәа ишиҳәара ҳаҟоуп. Саргьы аҵәы нкаршәны
сдырқәит уаҳа сшымӷьычра ҳәа. Аӷьычра ҳәа сара сызчычаз,
анҭ сҩызцәа «гәакьақәа» акәытқәа раамышьҭахь исдырҵаз,
ԥшь-шьапык зҵаз рӡара акәын. Ҳзымҳауази анҵәажәқәа
хәыҷы-хәыҷла. Аҵх лашьцара – аҷапырхәа, уаҳа акгьы. Ари
ҳажәа ҟәыш дуқәа ракәын. Аҳәақәа убарц уҭахызар ҳәын
ҵәак ахьыҟоу унеи. Ҳаргьы ҳазбар зҭаху алашьцараз борак
даахаҩар уаҳа аҭахӡамызт.
Иазаауазеи, ауаа зегь шәеиԥш сынхап-сынҵып ҳәа сыӡ
беит. Ус абра ԥыҭкгьы ааҵуан, ишырҳәо еиԥш, арыӷьарахь
сгьежьны сҷыгәӡа, сҭаацәа сырхашьаны сшааиуаз уахык…
Ааи уи ауха санынҭыҵрыз сшьапқәа аасыҵаԥыҵәҵәар уаҳа
ус сымазу. Аха шьҭа иҟалаша, абрахь Ҳабҩыҟа џьара ԥсрак
ҟалан ашәаџьҳәаҩ дыснырҵеит. Иԥсыз днеиҭаргааит, уа
ашәаџьҳәаҩ дыснырымҵар амуа егьи иҟаӡамызт, аха ҳара
ҳшыҟоу умдыруеи. Аԥсраҟны шаҟа ауаа рацәаны инеиуа
аҟара иԥсыз «изеӷьуп» ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Иазаауазеи, аԥсы
деизыхха анышә днаҭаны, ҳқьафқәа ҷыгә-ҷыгәӡа иҟаҵаны
ҳаимпит. Инхәыҵакшәа шәак ҳәо схы-сыԥсы сақәгәырӷьо,
сҽы аԥсаа икәаруа саманы аҩныҟа иаауан. Снеиаанӡа
ахәыҷқәа мыцәацзар сызхара срахәмарып, срылаччап, аригьы лафқәак наласҳәап ҳәа сгәы иҭоуп. Аха угәы иҭоу анцәа
уахьигӡар ауми… Амҩа анкьа зны издыруаз Даҭа ҳәа аӡәы
даасҿаҳаит, дысҿамҳаӡакәа ҿыцха дасааит! Уигьы са сеиԥш
хәыҷык иахырҟьаны дыҟан. Егьа каамеҭ сыҽсрыххандазгьы
сҿырҳәацаа сыкны иҩныҟа сымҩахимгар имуит, азҩахьаа
ифааит, ижәааит!!! Ҵхагәҭанынӡа «ура» ҳәа убра ҳтәаны
ҳзеигәырӷьоз сыздыруам. Иазаауазеи, нас ҳазхара ҳанеи
багәӡ ашьҭахь сыҩҽыжәлан, ала ааиааит, абга ааиааит ҳәа
(гәаныла ауп ишысҳәо) агәашә сылҭыҵын есс, сҽы сҟамачы
лахҟьаны иқәсыршәт аҩныҟа. Аҵх каууа, апҟара-аԥҟараҳәа
сҽашьҭыбжь, иналак-аалакны лашыбжьқәаки рыда ақыҭа
ҭынчуп, акгьы уаҳауам, ицәагәышьоуп рыцҳа ауаа караха
иҟами.
Ари ақыҭа салалан ҳқыҭа сазааигәахарц рацәак сыгымкәа
гәашәк славалеит. Амза ԥҭеиқәаҵәақәак наԥыраҳан, ула
аҵәыршы ҭакызар иумбо идырлашьцеит. Аха сара сзы иза
кәыхи, уахынла ацгәыблақәа схоуп, иааҭышәшәаны саԥхьа
илкаԥсааит! Алашьцара, алашьцара. Цәаныррак сызцәырҵын,
акы сеиланаршуа салагеит. Абни агәашә сыззааигәахоз акы
адызбалақәеит, сыблақәа ажьӷырла рымбааит.
Абар, уажәы акәадырҭа сзанымтәало, сҳәыцымыцуа, уа
мак сыӷралеит. Аҵх агәҭаны – алашьцара, алашьцара – сыԥ
сынҵры. Арыжәтә изжәыз инысхыԥ-саазшәа збеит. Жә-еи
қәаҵәак абӷашшара акәтаӷь ықәымгыло исыҩ-сыҩуа иҩас
хаҵгылеит агәашә аԥхьа. Иҵегь арахә тәан уа, аха ҟьасаҳәасақәак, ракәын. Аиеи, ари ҩеихан исхаҵгылеит. Умбои нас.
Арахь аҵәы нкаршәны сықәхьеит… Ахышә еиԥш ахәыҷқәа
срылатәоуп… Наҟ-наҟ! «Уи аҩсҭаа ихәхааит», – сҳәан «чу»
ҳәа сҽы сҟамчы лахысҟьеит. Аха сҽы џыџӡа иаагылт. Сџьаба
ҵырҟьа ааҵыс-ҵысын, ҷапырхәак хәхәаӡа, еикәырша-еикәыр
ша ахы аакылнарҳәҳәеит. Ахьшәҭҳәа санылҽыжәԥа, ани ажә
еиқәаҵәа «ыы» аҳәан иааины иаасымҵагылт. «Абаандаҩы
дызкуа бзиа дибоит» ҳәа жәаԥҟак рҳәоит еиԥш.
Иазаауази, аҳаиуан ахы анаасымҵанак аҷапырхәа атәы
ҩақәа иаарықәырҵәаашаны, сынҽыжәлеит. Ҳаихааӡалоу
џьушьап акәата-кәатаҳәа исышьҭаршәны аҿынанахеит. Аҳа
иуан ззумҳәара ыҟам, аха уи изшаз исасуп, акалашәа ишан.
Аиеи, ашара маҷк шагыз ҳаишьклаԥало аҩны ҳааит.
Ҳлақәа атәым жәы анырбалак амыргәырӷьа рхы иҭаланы
иууаӡа иԥаны цыгәхыршәҭ ҟаҵо ахыш-ҿышра иалагоит.
Иамышьцылахьази. Урҭ иандырҿыха, иҩагылеит сангьы
аригьы...
Сара стәашьа сыԥсахырц сҩыҵыззашәа зуит, ал дац
сзықәтәаз сышьҭахь ареисын. Никәала сгыланы сцар ҳәа
дшәан, дсылаҳәаҵа смаӷра икит стәашьа аасрыбзиахт, иаргьы иҽааиԥсахт. Амра ԥыҭк илҭагьалахьан. Ари алра аҵла
дуқәа амра ашәахәақәа раӡаны акәын ишаунашьҭуаз. Нахь-
хьи агәарԥ ашьапаҟны аӡәык ҩыџьак амаҵуцәа рышьҭабжь
акәымзар ҭынчран. Даара еилаханы «аусура» иаҿын уажәы
ачарауаа ашьаԥа иҵатәаны. Рааигәараҵәҟьа уҟазар рыц
ламҳәа ашьҭыбжьқәа уаҳарын. Аҩыжәра иалагаанӡа рлеи
шәа шԥабзиоу ахацәа.
– Уажәыҵәҟьа салгоит, шьҭа амцхә унсырхаӡом саргьы
аҳаҭарчы ахы анԥуртлалак ишылеиқәаҳауа еиԥш, слеи
қәаҳауеит, мамзар даара сгәы иҵаланы сыҟан, иаачҳа, Махаз, – иҳәеит дгәыкы-ҵәыкуа Никәала. Иазаауазеи, ҳлажә
қәа иаадрыԥшыз аҳәсақәа (сани арии) леи илсыст аха, илсыст
аха… Уашхәа мақьаԥсыс сдырҳәеит. Ҳаӷоу ҩыџьа аҳәсақәа
дыркааит.
Ицырцыруа ажә ҟьантаз ду аҷапырхәа аахыхны апҟацаапҟацаҳәа иҩахҟьаны агәарԥ иҩҭцаны, излаазгаз амҩаду
иҩаганы иҩанысҵеит. «Шьҭа шәҭынчха шәыԥсы иҟәаҟәаса
иамоуп», – сҳәан, сҷапырхәа ананыра инаҵаршәны, амцеиқә
ҵаразы амаҵурҭахь снеит. Шьҭа усгьы ашара уамак агым.
«Шьҭа ухаҵарақәа ураҩсзаап, аҳәсақәа уаҵкыс иаиааиуа
иалагеит», – саԥхьон урҭ алақәа рхырҿы ианызбаалоз.
Амца ахы ааиҿаскын, аҷҷаҳәа аиқәылара иаҿуп алҩа
хааӡа сԥынҵа иҭасуеит, стәоуп сӡыҩӡа, сҳашҳатәраханы.
Ари архнышьна иҩахыкны, алҩақ иаганы икнаҳау абыца
ашш ҭԥшшаӡа икылхха сҩаҵаԥшит. «Ани ажә сыҩ-сыҩ ду
еиҿыҟьҟьа ишшаԥасалаха, еицрҵәҵәа абра икнаҳазар…»
Умбо сгәы иҭашәақәо, сгәы ахы ҭашәаратә. Сышԥшуаз,
ассир! Ананыра иҵасыршәыз сҷапырхәа лакьҭа-лакьҭо ашә
хымс иаахыҵит. Сгәысҽанӡамкәа сшьапқәа аӷьараҳәа иҩаҵ
ҟьан снапқәа нышьҭасын аҷапырхәа аашьҭԥааны ажә злацаз
ала иԥрит сшьапқәа. Сара шьҭахьҟа сахон дара – ԥхьаҟа.
Исымчгәышьазеи, сырныҟәагақәа ракәын, иахьырҭахыз
сыргон. Слақәа ракәзар рҵыхәажәқәа хыргьежьаауа игәыр
ӷьаҵәа саԥхьа игылоуп. Иара ажә ҳәа иҟоу? Хара ица џьу
шьоу, сахьнаҵаҟьаҵәҟьаз иааҳәны, ҳаҩныҟа ахы рханы,
ақьышә нышьҭнашь-аашьҭнашьуан.
Ҳабнаҽыгә аҟны инышьҭасҵан абни аԥаса ажәхьа анысшьуаз иахсырҵыз аиҳа ахысмырҵит. Ахш зҭажьыз ачыргә
лагәыцҳәаны илкасыжьын иара еиҿыҟьҟьа иҵааны аҭуан
иҩаганы иҩықәсҵеит, уи аҭыԥ ыҟан. Цқьа аџьыка алсыр нас
уахынла аԥсуа мца аҟны илахакнасҳауан.
Слажәқәа рымгәацәақәа бақьа-бақьаӡа иҟалахьан рԥа
ҵақәа ашьа рхьыхәхәон «ӷӷы» ҳәа иааизыӷыӷуан, аха иаашьаны изеиқәԥомызт, арахь рҽыԥжәаны иҟамзи, иааӡам
ауаҩ агыгшәыг аҵкьыс деицәоуп умбои.
Убри инаркны сшәиԥхьыӡха адәы снықәлеит саргьы.
Сынцәахәы изқәа сеиаирхеит. Игәазҭаз аҩсҭаацәа ақаҷиаа,
аџьнышцәа уҳәа рнапқәа ыргьежьуа сахь рҿаархеит. Усыр
гәамҵӡазар ҟалап, аха шьҭа ишьақәысцалоит, аус злаз аҟ
ныҵәҟьа сааины сыҟоуп.
Иазаауазеи, уахынла схы нықәысҵар, уара идыр, сыла
цәақәа шынҭаалак еиԥшҵәыҟьа харантә ԥҳәыс мыткәма
бжьык ҭааӡа иааҩуеит. Дыргә-дыргәҳәа гарак ҵысуеит, убри
агара бжьы иалҩны ауп ишааҩуа аԥҳәыс еиба лмыткәмабжьы.
Лара лакәхап уи агара иахатәоу. Нас сабицәақәак ӷызыӷызуа
рҵәуабжьы гоит. Убригьы аарлаҳәа иҭааӡа ауп раԥхьа иш
саҳауа. Нас хәыҷы-хәыҷла арҭ ашьҭыбжьқәа еизҳауаеизҳ ауа мацара, сара исзааигәахо иалагоит. Ус – ассир!
Хәыҷқәак еибаркьу-сууа, рылаӷырӡқәа ҭыҩрны рӡамҩақәа
ирҿашы иаасхагылоит, ихаха-чахо рнапқәа аасымҵаркуеит:
«Диадиа, диадиа, ахш ҳаҭ, ахш ҳаҭ!» ҳәа. Нас аҿыжәҳәа
ӡаӡык сгәы иҩалакшоит. Сцәырҳаны сааҭрысуеит. Аҵых
лашьца еилаҳантуа ауада иҩноуп. Наҟтәирахь хыр-сыр
ҳәа схәыҷқәеи рани ыцәоуп, адәахьы алақәа ӷызымызуеит.
Аарлаҳәа слымҳа иҭыҩуеит иеиԥхьбо аԥҳәыс еиба лмыт
кәмабжьы, агарабжьы, сыбла иаахгылоит еибархьусууа
абыржәы исхагылаз анҭ асабицәа «ахш, ахш, диадиа, ахш
ҳаҭ» зҳәоз. Нас снаҳәуеит-сааҳәуеит, сааҳәуеит-снаҳәуеит.
Уҭахызар унаҳәы-ааҳәла, уҭахызар ухы уқәгыланы цыгә
хыршәҭ ҟаҵала, уҭахызар аџь-ҩа ухы анҟьа, уаҳа сымԥахь
иқәлом ацәа. Ас уаха, ас уаҵәы, ас ҵыхәаԥҵәарада. Нас
сшааи-шааиуаз цәыхараны ишьҭысхит. Абри исыкәыршоу
сцәа ҩынтә исхысххьеит, иаргьы ишубошәа аԥсҭҳәысҭра
сыхьызшәа иҟалеит, џьоукы акамршшақәа урылакызма ҳәа
исазҵаауеит, сцәа сықәцырцыраауа санырбалакь.
Абас, цәгьаԥсышьала ацәара сақәиҭымкәа адунеи санхалеит… Абри удыруазар сҭахын, иуасҳәеит. Аӷьычра алагара
еиҳа имариоуп, аха ианҵуга акажьра – сыздырцәом. Сажәа
сроуцәазаргьы, исымҳәар ауамызт. Ашаха аузароуп, аха ажәа
кьаҿзароуп аҳәоит ажәаԥҟа, иабаҟоу арахь срыцҳарақәа
рацәахеитеи акәымзар.
Ачара ашыкьыбжьы дгьыли жәҩани архыџхыџуан.
Никәала сиртәарц сыжәҩа инапы ааҵхны абаҳчара сыҵ
ганы, симаны ашьаԥахь дцон.
НИАҲ…
Иркәараҵаны анахь, арахь ҳәа акгьы ацысҵом акгьы
агсырхом (ус здырлоит сара, уи азоуп изысҳәо), иҟалаз
шааҟалаҵәҟьаз шәасҳәоит. Шәеиԥшзар шәӡырыҩла, иахьа усгьы џьоукы акалашәа иҟоуп, игәаҟуеит. Акрырфозар
ихәцәырххо, игәаҟуеит, рыԥсы ршьозар иҭрыс-ҭрысуа, игәа
ҟуеит ицәазар, ицәырҳаны иҵҟьоит. Цәыблаҟы дырхоуп,
аҳәынҭқараа рзы аус руазар… уи шәара инажәыгӡа. Гәы
дынаа ацәгьа рҳәар анырҭаху, Ҷыҷын идырҳәон ҳәа, зегьы
сара изысшәырҳәои.
Уажәы сахнаԥааит шәымбои. Сара сызлацәажәарц исҭаху
«Ниаҳ» ауп. Аҩызцәа, аҟазшьақәа уҳәа рзы ажәақәак. Ишыр
ҳәо еиԥш ажәа ахы мҳәакәа аҵыхәа узҳәом.
Сара аҩызцәа маҷымкәа исымоуп. Шәаргьы ус акәхап.
Хкыла еиуеиԥшым аҩызцәа. Зыҩныҵҟала иӷроу, адәахьала
иаԥшьу, адәахьала имаалықьу, зыҩнуҵҟала игыгшәыгу, ажәа
кала, зоурахкы уҭаху аҩызцәа ыҟоуп. Исымоуп сара аҩызцәа
ани маҟәыҭла сџьыба антчаауагьы, амҵ анҭыԥсаауагьы
иззеиԥшу.
Урҭ сыччартә сҟалар рылахь еиҵырхуеит, сҵәуартә сҟа
лар (анцәа сақәумыршәагәышьан, аха иҟаҳҵари…) рылахь
еиқәнаҵоит. Исымоуп аҩызцәа сџьыба иакәыхшаны изӡа
тәуагьы. Урҭ иакәым акы сақәшәар, иаҳҳәап иаасықәшәаны
сыԥсыр (абри атәымуаа шыԥсуа еиԥш саргьы сыԥсыр ауазар акәхап. Амала, уик сзынаҿаԥшуам) дара ықәгьежьааны,
аҳаҳаираҳәа акәашара иалагоит. Адунеи ус ишоуп, зегь
ҳаигымзааит! Уажәы саланагалацәахт. Ас иқәыршәӡаны сан
дәықәлалак, аӷәра аасҿакны: «трр!» шәҳәалароуп, мамзар,
сыбз атормаз иансцәықәҟьа, аанкылашьа сымаӡам.
Аиеи, сара уажәы зыӡбахә сҳәарц исҭаху сҩыза, ари хыхь
сызлацәажәаз аҩызцәа аҩ-категориакгьы дреиԥш-ӡам. Уи
уцәгьагьы далам. Убзиагьы далам. Дчеиџьыкауаҩуп, дыҽ
хәаҩуп, уаҳа акгьы. Ҳарҭ ҳаигәылацәоуп. Ҳаиҭанаиааиуеит.
Аҽхәара ӷәӷәала илоуп иара. Убри ҟазшьа бааԥсны има
гәышьоуп, аха иара ибзиоу џьишьозар акәхап. Дасу зегьы
ԥрашәа ҳамамкәа ҳҟазшьақәа бзиоу џьаҳамшьои, ус иҟоуп
ауаҩытәыҩса иԥсабара.
«Зны арра саныҟаз џьоуки сареи ҳгәы ааибаган, илага илышьҭасҵан, иҟасҵеит, аха, иҟасҵеит, аха, уаҩԥсы
дзырҿамԥшуа. Иара уа арра саныҟаз ауп аригьы аныҟала.
Ашьыжь агылараан сикәындқәак уагхеит ҳәа акомандир зе
гьы ишраҳауаз алаба сааирхеит. Иаасықәшәт, аԥсуаҵас ихь
мыӡӷысшьеит, аха искыз. Имариак шԥасԥыхьамшәари ҳәа
схаԥыц еихарӷәӷәа сшааиуаз, хәылԥазык ҳказарма ааигәара
ҳгәаҳҽанӡамкәа ҳааиҿаҳаит иаргьы саргьы. Уажәы дгьежьыр дзымгьежьуа, дыԥсыр моу имамкәа дҟалеит, аха иааг,
иануҭаху уԥсуандаз. «Аранӡа уааишь» – сҳәан, схысга нацә
кьыс аасырҵысын, аказарма днавазгалан дҟасҵеит, аха,
дҟасҵеит, аха, уаҩԥсы дзиҿамԥшуа».
Абас ацәажәарақәа бзиа ибон сгәыла Мырзакан (абри
ихьӡын иара). Уиаума, шәыр-қәырк зҳәаз еиԥш, иҭирацы
Урыстәылаҟа данцалак, уа аџьымгьырцәа данрылашәалак,
ихәахәа-жьахәаны, рыԥсы егьымцо-иагьымаауа цәгьаԥсышьа
риҭалозаарын. Мырзакан дзакәыз акрырдыргәышьозу рыцҳа
аџьымгьырцәа, ҟәрышьқәак имаҳхып ҟарҵон, арахь амышмыжда иақәшәараны ишыҟоу абардыргәышьоз.
Иԥҳәысгьы лгәы нкыдыԥсаалон, абри мышкымзар-мышкы
ҽеи ахылымҵыр ҟалоит ҳәа. Ус ҳааиуан ари шиҳәалозгьы.
Знымзар зны абри ихаҵара ԥышәатәын, аха имариа сԥы
хьашәомызт. Зегь аамҭак, аамҭак шрымоу еиԥш, иааит уи
гьы. Ӡынын. Хәылԥазык, ааилашәшәымҭазы хԥаҟа кәата
сшьып ҳәа абас сылҭыҵит. Паҷ ибаарраҟны снеиуан, снаԥшы
ааԥшуа абна ацәхыԥ аҟны ачықьқәа игылаз сынрылагылеит.
Сгылоуп сҽырмазеины акәатақәа анааилак иааргәыдҵаны
хԥа сшьырцы. Ус сыԥшызар даауеит. Дызусҭа иаауа? Мырзакан иоуп, уаҳа дызусҭа, иабџьар иазқәынҵа уигьы Паҷ ибаарра дазаауеит. Абар, анцәа дахьсиҭаз. Арахь ани иаадыруа
«амыжда» хәыҷыкгьы сылсны сыҟоуп. Уааишь уааишь аран
ӡа, иҳаибарбап ахаҵара зеиԥшроу. Мырзакан дааиуа, дааиуа нахьхьи саԥхьашәа ачықьқәа игылаз иҽынаргәылеикын,
амшын ахь ихы нарханы дааҭгылеит. Ҳгылоуп, аха амырза
иагартә ҳаззыԥшу рхабаргьы ыҟам. Снацәкьарақәеи сшьацә
кьарақәеи ахьҭа иакит. Дара ыҟаӡам.
Паҷ ибаарра, аӡаҩақәа аҳаскьын рҭашьшьы игазго иҭа
тәоуп, арахь акәатақәа рхабар ҳәа акгьы ыҟаӡам. Сара шәа
рыцара ҳәа санааҭыҵлак абас ауп. Снапсыргәыҵа хәыц
ықәу аҳа иҟьашӡа иаанҵәоит! Саныҟам, «ҟааух, иаха акәа
тақәа икажьзи. Мата хԥа ишьит. Хакәыцә хәба ишьит, Гьедлач иакәзар инирҵәаӡеит», – рҳәоит. Саргьы уаха амцхә
сзашьҭоузеи хԥа сшьып (акәтарбаӷьқәа), сҳәан, смааи, аха
иабаҟоу.
Иалашәхузеи ани сгәы иҭашәаз ҭыҵуам. Ауатка џьбара
изжәыз аԥырԥырҳәа амца аҵанаҵоит. Игәаҭатәуп ихаҵара.
Уаха еиӷьны дабасԥыхьашәо. Иудыруеи Акьахьба иакәзаргьы.
Счавра ааҭызган, илсҿагәаны, акыр сыбжьы аархәанчаны,
абгыӡ еиԥш сиқәҟааит: «Уара уа игылоу, абыржәыҵәҟьа
уабџьар шьҭаҵа, мамзар уԥсит!», – ҳәа. «Ниаҳ» – иҳәеит. Уаҳа
мҵык ицҳазшәа имԥхьаӡеит. Абжьы злагазҳәагьы иаҭәашьаны
са сахь дхьамԥшит! О, уара!.. Ари дхаҵаҵәҟьазаап, иҽхәа
рақәа башазаарымызт. Хьымӡӷ сиргома, анаџьалбеит. Ари
аҟны саанымгылароуп, исмырхьшәашәароуп, мамзар акгьы
сызмырҽеит. Иара аф зысыз иеиԥш дҩаҩаӡа дгылоуп.
Сҽааибысҭан, илақәрыццакны, ани счабра насҿаршәны
шәақьхысҵас аҿынасырхеит: «Уабџьар кажьны уиа!» ҳәа.
Илашьҭарххны ихырԥшны аҟәақ, аҟәақҳәа амца аусыжьит.
Ахысбжьы дацҭҟьаны иабџьар ааиҟәниԥааит… (аа, абар
Абаҭаа Баҭаҟәа, сара иаабац Мырзакан иакәу џьысшьоит).
Ахыԥҳәа сҽылкасыжьт. Сишьра дыҟоуп мцахәыцәа! «Угәыла,
Еснаҭ соуп, суахәмаруеит, гаӡарак умыхьааит!..», – сҳәоит
ҳәа сҿы ҩеихсырԥхьоны еиԥш иара: «Ниаҳ, сшәыцәшәо
џьышәшьо, аџьымгьырцәа», – иҳәан, иикыз иабџьар ырууаӡа
иршәит. Нас ихы шьҭацалаӡаны дыхәхәаӡа зымҩа диеит.
Акымзарак сзеилкаауам. Изакәызаалакь акы аасзеилкаауам.
Ажәха анцәа исимҭааит, сҿы аҟәақҳәа иԥжәааит, иабасҭахыз
абарҭқәа зегьы, аха шьҭа усгьы аӡы саанахәт.
– Встать, три шага в период! – акомнада ҟасҵеит. Уи дазыԥ
шызшәа, ахьышәҭҳәа дҩаҵҟьан, солдаҭҵас аҽыгә-ҽыгәҳәа
х-шьаҿак ԥхьаҟа дцеит. Нас уа дадырсызшәа, дџыхӡа даанхеит. Ы-ҳыҳ! Уажәшьҭоуп снапаҵаҟа дшыҟаз аныздыр. Нас
дсыртәеит, дсыргылеит, дсыриеит, дсырҳәазеит, ажәакала,
былды исырҳәеит. Ашьҭахь: «Уабџьар аашьҭыхны, аӡхьамԥш
угошәа ухьамԥшӡакәа аҩныҟа уҭрыс!» – ҳәа акоманда наи
ҭаны, счавра аасҿысхит. Ишәақь аашьҭыхны, аԥссы дкәар
уа иԥҳәыс лахь деихеит иаргьы. Уажә-уажәы «ниаҳ» иҳәон
дахьцоз.
Ицәынхаз ихылԥа аашьҭысхит. Рыцҳа, мӷык иҿҳәазазаап,
шьа хәыҷык алабаны иҟан. Та-ак! Дԥысшәеит уи. Шьҭа даҽазны
иҿы ааихыхны, схаҵарақәа ҳәа акыр дрылацәажәарым.
Аман исырҳәеит ус ауп ишыҟоу.
Даҽа маҷк аҟара снаԥшы-ааԥшын, аха иԥсыр акәын сара
сзы кәатак амшын ианхыԥраалашаз. Хәыц аналшәарыз.
Иҭсырҟьаз спатрона ҭацәқәа сыкәа инҭаҵаны, сышиашаз
Мырзакан иахь сдәықәлеит. «О, аԥшәма!» – сҳәан, ахуҳәа
илақәа сеишуа игәарԥ сынҭалеит.
– Ниаҳ, бзиала уаабеит! Уабаҟаз уара?! – Сҭампыл си
базшәа сџьеишьеит: – ыы, уаргьы уҟазма, уара уакәызма,
ниаҳ… Ыы? – иҳәеит.
– Изакәызеи, Мырзакан, уамашәа сзубои, сабаҟаз зуҳәа?
– Шәарыцара, анахь кәатахаҩара, анахь… уаргьы уҟазма,
ыы? Ниаҳ…
– Мамоу, џьушьҭ, изакәкәатаз, алақәа рыӷрыхартә, ҳажә
қәак ылахан иаасцон, – сҳәеит.
– Ыы? Иааги арахь, уҟанҭаруаз, ушәақь, ыы, уҟаӡамызт
нас шәарыцара? – инхәыҵакшәа даасҿаԥшын, длацәҟәысны
дааԥышәырччеит. Сара уи сымбазшәа ҟаҵаны сабџьар ма
ҭәа наисҭеит. Икнеиҳарц иахьнеиго дкылԥшкылӡырҩуа
аҟанҭаруаз дҭаԥшуеит, иҭацәу ҩ-патронак дрышьҭазар акә
хап. – Уҟаӡамызт нас, нахьхьи Паҷ ибааррахь, ыы? – деиҭа
сазҵаауеит. Сара уи смаҳазшәа, ус инықәрыҩршәа: «Хырҳ а
гас иҟамлааит, хәылԥазыла аҩныҟа рҿы ҳәуам ҳажәқәа», –
сҳәеит.
– Уанхәа дыҟоуп, уанхәа. Ари абыржәыҵәҟьа абысҭанҵара
даҿуп, улеи, – иҳәан, ҳаиманы ҳлаҩнеибагалт. Аԥсаажьы
рыман, аҩы, ауатка ҳлатәеит. Иалаҳхи, аԥшәмацәа рылахь
еиқәуп.
– Ишәыҵалеи, иҟалазеи? – сынихәаԥшит Мырзакан.
– Иабымҳәо бара иҟалаз, – акҿаҩра икҿаз иԥҳәыс лахь
днаԥшит.
– Сара изиасҳәои, иақәшәаз уара уами, уара иҳәа, аџьым
гьырцәеи ҳареи изакәытә аамҭозеи ҳазҭахаз, – дгәамҵуан
лара.
Абар уаха уи дахьынҭыҵыз дзықәшәаз арыцҳара. Паҷ
ибаараҟны кәатахаҩара дцазаарын, амырза иннарҵәашәа,
акәатақәа ҳәа акгьы ыҟазаарымызт. Нас џьоукы, џьымгьыр
цәақәак шәарыцаҩцәошәа рҽыҟаҵаны арыжәтә рҽаҭаны,
иааи иаакылсызаап. Иабџьар имаҳхуеит ҳәа иалагазаап,
ишакәымыз еиланагалазаап. Иалаҳхи, иара Мырзакангьы
ашьа иҿырхт, (илахь маҷк ицәҟьамзи), аха даргьы зықәшәаз
ашәа иуқәшәара исықәшәара дақәшәааит. Хыхьла дырххысаауа, аҿыв-сывҳәа ирывакны амца рзоуижьуа мацара,

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21
- Büleklär
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3393Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3522Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3475Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3457Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3437Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3521Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3501Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3518Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3407Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3443Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3495Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3465Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3521Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3510Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3590Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3553Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3538Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3418Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.