LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13
Süzlärneñ gomumi sanı 3400
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2367
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
иаамҵадырсызшәа, амшын инхыӡлон.
Ус агәы хәыҷы рданы, ҩаԥхьа иԥырԥыруа ажәҩан иахьын
ҳалахуан Маахыр лычча. Ааи, Маахыр лычча акәын сара
сзыҳәа уи аҵыс иаҵәа.
Ус саныԥшы ԥҭацк зҵаршәыз ажәҩан иаҵәа, атыр-тыр
ҳәа ажәҩақәа ҟьо иаҵаланы иаауан ахьшьыцба. Хыхь
иаҳзыриаша ианааи иаагазҽазын, иаашанхашәа ауит. Нас
ашьапқәа лҭҳәаны, аҽеиқәырҳә, хагәҵәы илҭалеит. Аҵыс иа
ҵәа – Маахыр лычча иақәкны, иара акгьы абаӡомызт. Ицырцыруа ахәмарра иаҿын.
Абар-абар алақәа мцаԥшьха иахьазлеиуа ахьшьыцба…
уаӷеимышхара… иаамҵанарсыр уажәы!!! Игәанаҭеит аҵыс
иаҵәа уи. «Ҵәит-ҵәит» аҳәан, ашымҳа иналашәаҟьан, инкабеит. Ахьшьгьы шԥыруа ашымҳа инахагьежь-аахагьежьын,
дырҩегьых амрагыларахь ахы рханы, ҵа змаӡам ажәҩан
иазцеит. Џьара иамуазар – џьара. Ицон ԥыхьа еиԥш атыртырҳәа ажәҩақәа ҟьо.
– Бзырччеи? – «бара» ахь сиасит исызгәамҭаӡакәа.
– Сара сызмилаҭу аилкаара акәзар иахьа дҵас ишәымаз,
уи нашәыгӡеит, – лҳәеит лхаԥыц бырлашқәа сырбо, – сара
ара стәамызҭгьы арҭ сҩызцәа руаӡәы дызмилаҭу аилкаара
шәалагозар акәхарын.
– Урҭ, сымҵааӡакәа рыԥшрала издыруеит ишоурысцәоу,
шәарҭ шәыԥшра ауп («шәара» ахь сиасыхт) сзырҩашьаз…
– Шәаҳәшьцәа, аԥсуаа аҭыԥҳацәа ара, урҭ среиԥшуп,
амала, сыблақәа ртәашьа ҷыдала смилаҭ иатәуп шәымҳәо
зар, – лҳәан, џьыкахышҵас иҟәашыз, еилаарцыруаз ахаҳә
ссақәа уамашәа ибаны рыԥшаара, лнаргәыҵа ҟәымшәышә
ианԥсаланы рыԥхьаӡара далагеит, дреигәырӷьо.
– Цәгьала шәыԥшӡоуп шәара! – агәызҳәа илалгәыдысҵеит.
Амца зхыҳәҳәылаз лыбла маахырқәа сырхыԥшыло, – Маахыр, – нацысҵеит нас.
Дырҩегьых аҟәара ахьтәы ҵәҵәақәа рыбжьы аккаҳәа
инықәлырҩит. Лҩызцәа маҷ-маҷ инаскьо-инаскьо, хазы
итәаны амаца асра иалагеит, рқәақәра згааит. Данааиқәтәа
«Маахыр» захьӡузеи ҳәа дсазҵааит. Иласҳәеит лыбла аҷыц
қәа амаахыр ишеиԥшыз. Лгәы иаахәеит.
Аԥслымӡ хәыҷык ԥсаҟьаны инсықәлыԥсеит. Нас дҟаԥшьӡа
дҩеибакит.
Икалахәҵәаӡа лшьыргәацәқәа, луаҭәа шшәырқәа ааигәа
ны ихагьежьхьаз амра иназлырхан, аԥслымӡ гәӡа ашыра
ахәхәа-хәхәаҳәа ирықәлыԥсо далагеит. Саргьы «слыцхраауеит» ҳәа салаган илымуит. «Макьаназ схи-сымаҵи еибауашәа
збоит», – лҳәеит. Маҷк сылахь ааиқәнаҵеит. Амашьына шсымоу сылахь ианӡам, иалылдыраагәышьеи.
Саалаган аԥслымӡ еилырхуа лнапы ҟәымшәышә «ма
шәыршәа» снапы накьсырсит. Иаармаҷны акыркыр дыччеит.
«Иудыруеи? Анцәа акы иҳәахьеит, Бақь ибаҳчара дсыманы сыҵахзар уажәы, маахыр ҟәшәара» ҳәа. Иҟало аабап.
Амашьынагьы сымоуп.
Ашоура ҳшакыз амшын ҭалара ишаамҭоу анысҳәа, аҳәаха
сылымҭеит. Ҳангылоз маҷк аԥслымӡгьы «машәыршәа»
илықәԥсахт, ларгьы аҭак ҟалҵеит. «Иудыруеи?»
– Аӡсаразы бышԥаҟоу?
– Сханагалоит.
– Уи бзиоуп…
– Цәгьара алаӡам… Иамуӡаргьы амшын аҟны ииз ауаҩы
усыцуп, сааӡааукәыцәаап, – дааԥышәарччеит.
Шьыри, аӡы дагоны, дамсхызшәа сыҟандаз уаҳа адунеи аҟны акы сҭахымызт. Иҳәандаз-ҳәандазӡа икажьыз
аԥсшьацәа ҳанрылс-аарылсны, иҟәандашьшьыраӡа, маҟҿа
ҳәара амшын ҳналагылт. Ацәқәырԥассақәа ҳдырчыхәчыхәуан, ҳдыргәытәуан. Ӡеиқәҭәара хәыҷык ҟаҳҵеит. Лгәы
ҭгәырӷьаан дааччеит. «Ыы» аасгәахәт. Длаша-лашо дԥааим
барҭыԥҳаума. Дабаҟоу рҳәааит.
Нас дҩаԥан, калмаҳаҵас дналҵәраа-аалҵәраауа амшын
агәы дынхылт. Нахьхьи, инахарашәа акәапеиқәа реиԥш,
ауаа рхы кәымпылқәа ахьҵысҵысуаз ахь далԥаалԥо дцон.
Даахьаԥшны акыр-кыр дыччон. Аччара уҳәеит ҳәа инҵәа
ӡомеи Маахыр лҟны.
Аӡы ахықәан ииз сара Чарыхәба Баҭаҟәа аӡсаразы ису
ҭахуеи, ахьшәҭҳәа сынлышьҭалеит. Ааи, слышьҭалеит аҟа
роуп. Слышьҭамлакәа, ауаа шыԥсуаз сыԥсыр иабаргәыз,
акәуеи акалмаҳаи ҳарҩызахеит. Амала, сагаӡеит аӡы. Баша
сыԥсы саақәыԥшт аҟароуп.
– Аӡсашьа шәсырҵап шәҭахызар, – Маахыр лгәы ҭыҷҷаауа,
хәыҷҵас ицқьаӡа, иразӡа дыччеит, сзеиԥшрақәаз анылба, аиааира ахьылгаз деигәырӷьаны. Уа акгьы сзымҳәеит.
Ҳнылаиахт аԥслымӡра. Сеихәлачны, аҳаш-ҳашра саҿын
уажәгьы.
Сыԥсы анааи, сеиҭаналагахт.
– Акәашара сзааит, уаха кәашара ҳцап.
– Сара акәашара сҭахӡам. Уи азы смааӡеит, – лҳәеит.
Амашьына шсымоу лдыруазҭгьы… Макьана сцаԥхақәа
цәырызгарыма? Уаангыл Баҭаҟәа умыццакын. Уигьы уахьӡап.
Зегь иреиӷьыз. Лгәы лҽанӡамкәа смашьына ааигәара днаганы, аҷараҳәа смашьына ашә аартны сынҭатәар, лыблақәа
ҭыгьежьааӡа шҭакы иаҟарахап. Аҭыԥҳацәа амашьына анырбалак аҟыԥҳәа илеиқәаҳауеит. Аха уи макьана. Уи, зда царҭа
амам аҟны ианнеилак ауп.
– Кино бзиак базар цәгьамызт, уаха ҳцарын, – сҳәеит.
– Акино аҩны сахьыҟазгьы шаҟа уҭаху кажьын. Сара сзааз, амшын, аԥсабара аԥшӡара, егьи уҳәа рзоуп, – лҳәеит.
«Егьи» ҳәа дызҿу арбанушь?
– Ыы, дынаа, бҭахызар («бара» ашҟа сиасит), хәымҽхан
ныҟәара, абрахь аҭыԥ бзиақәа здыруеит, аԥсабара ԥшӡоуп,
амаахыр рацәоуп, иҳаҟәшәап, ҳцар, ыы? – сҳәеит.
– Амаахыр. Сыблақәа иреиԥшу амаахыру? Хьыраӡынҵас
ахьхьа-хьхьаҳәа лыччабжь аалҩыхт аҳауа. Лхапыц еиврыԥ
хқәа ааҵыҷҷеит.
– Ыы, быблақәа иреиԥшу амаахыр ҳамҟәшәози… шаҟа
ирацәоу бдыруоу уа? – сааӷьаҵәыӷьаҵәит гәыӷра маҷӡак
сыманы.
– Зынӡак сыблақәа иреиԥшума амаахыр захьӡу? –
лҳәеит луаԥсҵәы азна еилаарцыруа аԥслымӡ гәӡа лҭаҷкәым
икылыршәҭраа. Луаҭәақәа ыргәыбзыӷуа дсазҵааит.
– Ааи, быблақәа рхаҭаҵәҟьа, амаахыр захьӡу, – сыԥсы
зегьы еизыркәкәаны агәра лсыргеит.
– Зынӡак, зынӡак!
– Зынӡак, зынӡак!..
– Ихароу?
– Мап. Сааҭбжак ала унеиуеит втобусла.
– Сара автобус сԥырхагоуп.
Абыржәшьҭоуп Баҭаҟәа, абыржәшьҭоуп, амашьына шумоу
цәыргатәуп. Шьҭа дазааугеит.
– Втобусымкәа џьара акала ҳцап, џьушьҭ.
– Тақсила ҳцаны, аҷақ-ҷақ ҳәа ашьчотчик кшауа иргыланы, ҳарҭ амаахыр ҳаҟәшәо, сақәшаҳаҭым сара!
– Иҳамбаӡакәа амра шапшап-хыгьежь ду амшын ахьаан
ҵәо илӡаашьшьылан, ицо-ицо мацара, нас иаразнак илхәы
ҵашьшьт. Кәамҟьак ажәҩан ашәаԥшь ҟаԥшьӡа инахьнаршеит, нас уигьы нҿыцәааит.
Аҟәара ҭацәуан. Амшынгьы ахы иақәиҭхеит. Автобусқәеи
атақсиқәеи абгақәа ирфааит, ирылаҳхи, смашьына ахьҵәа
ҵәа еиԥш еиқәышәшәа ана игылоупеи. Исҳәап, шьҭа
иаамҭазар ҟалап, ыы? Сҽагьыназыскит, аҽыҩҳәа ԥсыӡк амшын иҩалԥан, икахәхәа аҳауа иналалан, нас, инхәыҵаҵәырт.
Иаҭахызар иӡсауеит, иаҭахызар иԥыруеит, иабаргәузеи аԥ
сыӡ. Иаакәыршаны ацәқәырԥа ссақәа хыгьежь-хыгьежьааӡа,
рҽырҭбаауа, рҿынархеит. Сгәырӷьан сыччеит.
Угәы аналаҟоу амаҷгьы уеигәырӷьоит, угәы аналаҟам –
жәҩангәашәԥхьара узаатыргьы џьаҳанымны иубоит. Маахыр аԥсыӡ ахьалаҵәрыз иацрыҵыз ацәқәырԥа ссақәа рахь
лыбла маахырқәа хан, иҭыџьџьаауан, нас ихәыцуан… «Маахыр», хьӡы ԥшӡоуп. Санҭаацәарахалак, аԥҳәызба дсоур «Маахыр» лыхьӡыстәуеит схәыцуан.
– Маахырҟәшәара ҳцозар ҳазлацо анцәа иџьшьоуп… –
иаазгәаӷьуан еиԥш…
– Алиа, бара макьана бынхозар акәхап, ҳара ҳцоит, – рыбжьы аадыргеит лнасҭхашәа итәаз лҩызцәа (рҿы иамҳәааит
уаҳа).
– Ааи, ааи. Саргьы сышԥамцо! – лҳәан, Маахыр аҽеи
дкылара лҽазылкит. Адды-ддыҳәа сгәы лкыдҩрны, агәызҳәа
илеин илҭаҳаит. Ааи, инкыдыҩрыҵәҟьазшәоуп ишызба.
– Нас, арҭ еибаҳҳәақәаз закәыз, мшәан? Фаф иабаз
иаҩызахама?
– Амшын аҟны ԥсшьара ҳааит, алаф-алаӡб ҳәатәуп, –
лҳәан, даасҿагәыбзыӷын (усшәа збоит), ашәҭ ҟьаҟьақәа
злаԥсаз лхалаҭ шкәакәа аалхалырԥан, дкалахәҵәаӡа лҩыз
цәа днарыхьӡан, еицны рҿынархеит, смашьына шыҟаз рхы
рханы.
– Бара беиԥш иҟоугьы аабахьеит! – сԥагьара схагәҭа
иҩкылҟьеит.
– Сақәшаҳаҭуп, – дырҩегьых дааԥышәарччеит. Сааҟәым
шәышәхахт нас.
Ирласны срыхьӡан: «Быхцәы самсылра еикәаҳәы-еи
кәаҳәы, ишԥаԥшӡоу», – сҳәеит. Ақәҿылымҭӡеит. Уигьы ис
цәыԥсхьоу акы иаҩызоуп.
– «Подумаешь» Маахыр, – сҳәеит. Уажәы сызлаҟақәоу
лсырбароуп. Сыҽрыварӷәӷәаны, снарывсын аҷараҳәа с-«За
порожец» ҿыц цқьаӡа игылаз ашә аасыртит, сагьынҭатәеит.
Усоуп ишыҟоу, исыхәаԥшуа инсывсит, еиқәырццакны хынтә
ҽыреимса ҟасҵеит. Маахыр даахьаԥшны, гәҭыӷьӷьаала дшыччац, лыбжьы ныхҵа-аахҵо дыччеит. Лԥараҭра хәыҷы илкыз
ааихлырԥхьан, ахьхьаҳәа цаԥхақәак ааҭылган, еилаарцыруа, иуҿаҷҷо смашьына анаҩс игылаз аҵыхә-тәантәи иҭры
жьыз «Волга» ашә аҷараҳәа иаартны, лнацәақәа ҭхәаа-ҭхәаа
иҟаз, сахҭан ҟаԥшьла икәыршаз, аҳәынҵәра еиқәаҵәала
иқәҵаз амашьына аԥсҟы ааныркылеит. Лҩызцәа амашьына
ырзазо, ахьшәҭ-сышәҭҳәа инҭатәеит. Аҷара-сараҳәа ашәқәа
нкыдырҵеит. Изазо, изазо, сааҭк аҟара иреихырхәошәа збеит
рмашьына. Азнаказы сыӡӷқәа быз-бызуа акалашәа иҟалеит.
Асаркьа сананԥшыла, аԥхҭра зыхьыз иеиԥш инкылҟаԥшькылҟаԥшьааӡа иҟан схы-сҿы.
Нас, сыблақәа ԥшьаала рҿыҩархан схагәҭа иҩеины
иҩықәгылеит, ацаблыкь аблақәа реиԥш.
Аус анбалыруа ҳәа сшыԥшуаз, џьоук нагәҭасызшәа
ахәырқь ҳәа аҿынанахеит. Анаџьалбеит, ишԥазазоз, ишԥа
ҟәымшәышәыз, Маахыргьы дышԥанаалоз аԥсҟы, сабиц.
Касыш-наҟәаҵас лҩа хәыҷык хәхәаӡа инаҵшәҭраан.
Ишьҭиааны смашьынахь аҿаарханы, иныҵаба ицеит.
Хәыр-хәыр, гәыр-гәыр ҳәа сара стәы аус асырун еибафо
алуқәа реиԥш, аӷу-аӷу ахга аҿынасырхеит.
Шьҭа – Бақь ибаҳчахь, маахыр ҟәшәара ҳцап…
«СААҬ НАҞЬАК САГШӘЫРХЕИТ...»
Ахәаша, аусура амш аанҵәон еиԥш ауп ари аныҟала.
Аусҳәарҭа амаҵзуҩцәа рыҩныҟақәа рцара ацынхәрас,
рҟәардәқәа шьҭых, ихьагәгәа рдиреқтор Дадын икаби
нет ахь иеигәон. Аизара ҟаҵатәын, рҩыза баӷыр иус иала
цәажәатәын.
Амра ашәахәақәа зыҩналашоз акабинет ҭбаа-ҭыцә аҳауа
цқьаӡа иҩнашьқьраауан. Ҟыгә-чыгә, ҟыгә-чыгә ҳәа еиварыԥх
иргыло мацара иаадырҭәит ҟәардәла.
Иҵхәраа зҿылазхаз аӡыхь, зегь зҭабылгьо амшынҵаа
ианлахәлабго иаҩызахан ара иааиуаз аҳауа цқьа, аха дара
ирызгәаҭаӡомызт уи. Ачаврақәа змаз, расац бзиак иаҟараны
рхы апашрақәа иаақәгылоз аԥхӡы наладырчачон, иаар
ҿыршьуан.
Урҭ змамыз ааимҟьарак ԥшааны рхы-рҿы иафозшәа,
ирбӷуазшәа рнапқәа аамҩанырҵон.
Зус рыӡбараны иҟоу Баӷыр дхәыцуан, дхәыцуан, дҵәи
ҵәиуан, исааҭ дахәаԥшуан.
– Ҳаззеизаз ижәдыруа ауп, – дҩагылеит Дадын. – Уаҩ
ра игӡамкәа арахь амаҷаз лацәажәатәыс, рххатәыс ихы
ҳаиҭоит. Ҽнакымзар-ҽнак уи ауаҩ иусура қәнагала ини
мырҵәеит… ма хә-минуҭк, ма жәа-минуҭк шагу иусура
ныжьны дцароуп, ма дагханы даароуп, уаҳа иамуит. Изны
ҟәымго гәарҭак иҷкәынцәа аҩны изыԥшу џьушьап, уахь уаҩ
дааимгаӡацт. Иахьа деиӷьхап, ма уаҵәы ҳҳәеит, аха иамуит.
Шәааи гәаартыла ҳаицәажәап. Дҳацәажәааит, абар дахьыҟоу иаргьы. Амала ҳааизар, сааҭк иалаҳагӡароуп, иқәнагоу
лахь иаҳҭап. Сара даҽа еизарак ахь исыԥхьеит, – иҳәан,
длатәеит адиреқтор. Чавра еилыӷраа дук (шьаршьафс
изыҟаумҵахуеи) иџьыба еикәарҽы иҩҭиган, азлымҳак ианкны иааирҵысын, иааилыҩрит. Нас ихы-иҿы «аӡаӡа» шәпа
иалнаҳәаз налаирчит. «Сааҭк ауп иҳамоу, шәҽалашәыгӡа». Уи
маҷишьоит Дадын. Сааҭк аԥсыԥым-пыл еиԥш днеигәыдҵаааигәыдҵо дрыманы иқәзаап Баӷыр. Ауаҩы ишьра сааҭк
аҭахӡам. Иԥсыхәои? Ичҳароуп. Изымычҳауазар изхарада.
Дрыбжьап, даҽазны изеиӷьуп.
– Аҳы, ҳаиҵашәмырхан. Акыр зҳәарц зҭаху шәалага! –
дынрылаԥшит Дадын.
Баӷыр инцәыҵырҳәҳәашәа дырҩегьых исааҭ днахәаԥшит.
Адиреқтор ицәажәареи итәареи еилагӡаны уахәаԥшуазар,
аминуҭ узырбо астрелка шьаҿак ауп иҟанаҵахьоу. Даҽа 59
шьаҿа ҟанаҵаанӡа Баӷыр аҟаԥшьхара даҿызаауазар, амцеиужь иахәладыршәыз афархь еиԥш, длеиқәыблы , дынкацәа
дцозар акәхап. Иашәа ргәы мҳәааит!
Зны, ас ишьамхы еиқәиршәт, зны, егьыс еиқәиршәт. Зны,
ицламҳәа инапы аҵаиргылт, аха ҭыԥ изрыҭом ишьапқәеи
инапқәеи.
– Иуџьысшьом, Баӷыр, ухымҩаԥгашьа, – ажәа амхны
дҩагылеит Ҳақы, – аведра азна ахш уҭаны иказҭәо ажә ҳәа
акы рҳәоит еиԥш, сара аҳаиуан уадыскыло анцәа иумҳәан,
аха уусура лҵшәадам, нас арахь амаҷ азы… Сыздыруам сара
иуҵалаз! Ма заа уусура ныжьны уцароуп, ма уагханы уаароуп. Зегь шьцылароуп, ас уашьцылт ауп, уаҳа сыздыруам.
Имазааит лахьы икарточка иланырҟацаланы. Иан лкыкахш
ашәа изыхәшәхозар аабап. Ас убахьоу, – иҳәан, длатәеит.
Баӷыр иҟәардә дзықәтәоу ацәажә ккаӡа ахыхра даҿуп.
Иқәырҳәазо исааҭ астрелкақәа ҭыхны икызар, маха-маха
еимҿижәжәар ҟаларын. Астрелка алу ацрарҳәеит, хәшьаҿак
роуп иҟанаҵахьоу, мап, хәшьаҿаки бжаки. Макьана дгьыли
жәҩани ирыбжьоу аҟара ыҟоуп асааҭ анҵәара.
– Ааи, ааи имазааит лахьы, ишышәҳәаз еиԥш икарточкагьы ианызааит. Иабеиԥырхагоу, – дҩыҵыззашәа иун,
длатәеит Бадра, уажәы амшын иӡаажьзаалакь џьанаҭ шьапыла дымцози ҳәа дхәыцуа.
– Ҳҩыза Баӷыр, дҩыза цәгьам, дчеиџьыка уаҩуп, ақәлацәа
пату рықәиҵоит, аиашазы, зегьы даҳҭахуп. Иашарак злам уаҩ
ҟьалак иакәӡам иара. Намыс змоу уаҩуп. Ишәымбои абри
ҳихцәажәоижьҭеи шаҟа игәы ифахьоу, шаҟа дҳәыцымыцуа.
Сара сишьклаԥшуан, абра ҳихцәажәонаҵы ицәабжа ихы
ҵит. Сааҭла ҳәа ҳаизара аҿҳәара иамоу шықәсы наҟьак иза
ҩызахеит. Исааҭ мгәагәаӡоушәа ибоит, даргәаҭеиуеит. Ари
иара изыҳәа, иеицәоу лахьы ыҟаӡам. Шьҭа илсит, идырит
иҩызцәа дышрыхцәажәоз. Шьҭа амҩа иаша данылоит ҳәа
сгәы иаанагоит. Лахь иаҳҭап, аха икарточка ҳҟьашьрым, –
иҳәан, иҩызцәа дынрылаԥшит Лад.
– Ииашоуп, ииашоуп. Лахь имазааит акарточка ҳҟьашь
рым, иамаҳкуи, – иҳәан, шьыри, уажәы уарашк хьшәашәаӡа
изжәуа иԥсы аҵаҟа сыԥсы ыҟандаз, аигәахәт Мамсыр.
Уи анаҩс ирҳәоз арҭ ирҳәоз акәын.
Баӷыр аԥхӡы илҩыруан. Аӡы иҭишьызшәа иикыз ичаврагьы шьҭа ихәомызт. Ачалт иаҵашәаз аҵыс иабаргуи. Уи заҳаз
ирласны дмааиуеи, аха арҭ? Сааҭ наҟьак…
Лахь ирҭеит икарточка иамырбакәа. Аддыҳәа аҟәардә
қәа инарыха-аарыхо агылара, ашә ахь аихара иалагеит
зегьы. Баӷыргьы ддәылууаа, исааҭ дахәаԥшуа днеиуан: –
Сышәшьит, сыгәнаҳа анцәа ишәықәиҵааит, – ҳәа дуазыруа.
– Уаҳшьы егьиҳәа, хар умаӡам ҳәа ауп ишыздыруа. Шьҭа
усааҭ узахәаԥшыхуеи аизара ҳалгеит лыԥхала, – иҳәеит
Мамсыр.
– Сышәшьит, сышәшьы, сыгәнаҳа хара ишәзымгааит, –
даҿын Баӷыр исааҭ ырҟыҵымыҵуа дахьнеиуаз.
– Шаҟа иуџьабози, даҽазны иуурым, – ааихьигӡеит
Ладгьы.
– Иарбан изымуа? – даахьаҳәт Баӷыр.
– Иарбан шԥа?
– Сышәшьит, сышәшьы, сааҭ наҟьак «асвидание» саг
шәырхеит, ԥҳәыс заманак аҟәараҟны дысзыԥшын. Иудыруеи
уажәгьы дгылазар!!!
Дыкәкәаӡа абарҵа длыбжьууаа дцеит…
«АБЖА»
Схәыҷраан ҩызас исымаз Кәымпыл цәгьала бзиа сибон,
саргьы дысҭахын. Ҳҿаҵа еиҩшаны иаҳфон, иҳамазаалак
абжа ааиҩаҳшон. Амала иззакәу сыздыруам. Аха, еснагь
сара стәы акәын еиҩаҳшоз, иара акгьы имаӡамызт. Ҵәаха
ҳак, ма кырпыжәк аасыднагалар «абжа» ҳәа даасыдгылон,
иааиҩаҳшон.
Ус аԥсҭазаара зымҩа ҳаиҟәнагеит. Аамҭа акыр цеит. Ҽнак
сахьынхоз дааит иара, анкьатәи схәыҷра аҩыза Кәымпыл.
Сиеигәырӷьан дсыдыскылеит.
– Оо, бзиа уҟоуп. Ҩ-уадакны иҟоу асекциа умоуп –
абжа?
Исҭеит суадақәа руакы схәыҷра аҩыза Кәымпыл. Еснагь
иҳамоу абжа еиҩаҳамшози. Уажәгьы ус ҟасҵеит. Асервант
дынҭаԥшит, ҩ-ԥаҭлыка хәыҷқәак акониак ҭагылан.
– Кониакзаап иужәуа – абжа?
ԥаҭлыкак иара исҭеит. Нас иҭагылаз аҳәаанырцәтәи асигарет ҭоԥқәа илаԥш нарықәшәеит.
– Аҳәаанырцәтәизаап узыхо – абжа?
– Исҭеит абжа.
Аԥенџьыр дахьынкылԥшыз смашьына ахьгылаз ибеит.
– Оо, амашьынагьы умазаап – абжа, аха амашьына узеиҩ
шом, ҽнак уара уақәтәалоит, ҽнак сара.
Сазыразхеит, схәыҷра аҩыза иакәымзи, ус ҟаҳамҵалози.
Ус, ашә аартны дааҩналеит сыԥҳәыс, аусурантә дааит.
Схәыҷра аҩыза Кәымпыл сыԥҳәыс длыхәаԥшуа, лхаҟнытә
лшьапаҟынӡа деимидеит. Нас ихы-иҿы ааихалашеит.
– Аԥҳәыс бзиа думазаап, лыбж…
Имаӡеит иажәа анагӡара. Искыз закәыз сгәалашәом, аха
икьакьаз акала ихы сасит.
Ихы маҷк ицәысҟьеит аҟароуп. Сара хышықәса сыманы
абахҭа сҭатәоуп, иара дхәапжапуа сыҩны дтәоуп.
Абри ҭсыжьыр сҭахуп, иагу-иабзоу акрыҟазар исоуҳәар,
исырҽеип, сҳәан акритик исҭеит. Икарандашь кәырӡа
иҵәырԥсаны, днадтәалт. Абар, ииҩыз арецензиа.
«Ажәабжь «Абжа» иара ахы ишаҳәо еиԥш ибжатоуп. Сахьаркырала игәылырҭәаам, ихоуҵартә иҟаҵам. Иахьатәи
ҳаамҭазы аӡәы ибз дафаны «абжа» иҳәеит ҳәа ауада агәаӷьра
уадаҩуп, иара убас амашьына. Аԥҳәыс, уи нас, уи лтәы хазуп… Диуҭеит ҳәа нас, даҽаӡә дааугар ҟалоит, ҿыцбарахгьы
дубоит, ажәакала, иаԥсам аҭыжьра».
Сыбӷа ашшара ааԥиҵәеит. Иациҵаз арецензиа наҟ инаԥ
хьакны. Иара даҽа критикк исҭеит. Абар, уи иациҵаз арецензиа.
«Ажәабжь «Абжа» уаҳа назҭахым иумортә жәабжьуп.
Амала, анҵәашьа маҷк уаҩы игәы еихьнашьратәы иҟоуп.
Кәымпыл иеиԥш иҟоу ауаҩы ҳаԥсҭазаара дацәтәымуп. Уи
ауаатәыҩса рҿиаразы, реизҳазыӷьараҿы, анапхыц иадамхаргьы цхыраарак риҭаӡом. Ихы мацара ауп дзышьҭоу. Ус
анакәха, еиҭасҳәахуеит, уи аԥсҭазаара дацәымыцхәуп.
Уи зыҟны днеиз аԥшәма патронак азыҳәа акгьы ихьӡомызт,
агәызҳәа Кәымпыл илеигәыдҵаны дишьыр, дҭаркыргьы даныгьежьлак иԥҳәыс иара дизынхон.
Абас ажәабжь нырҵәазар, иеимҵԥаа акәын ишҭрыжь
уаз».
Сара акритикцәа ирҳәаз ҟасымҵаӡеит. Избанзар, ари
ҭзыжьыз аиуморист ду ишиҩыз еиӷьын, сара аԥсшәахь еи
ҭазгеит ауп.
БҚӘАҚӘРА ЗГААИТ, ИАКА!
(Ахьча иажәабжь)
Сыхәда аҩнуҵҟа аԥаса ишыҟаз акәымкәа иаазқәылаз
акалашәа аҽыҟанаҵеит. Иаалырҟьаны ауп ишыҟалаз иара.
Абри, ишԥасҳәари, зхы еиқәшәам, ма ижәны иҟоу шышкамсак ладеи-ҩадеи ихәаҭхәаҭуа сыхәда иҭалазшәа, иҭанар
чыхәчыхәаауа иалагеит. Сафоит, сынҵәоит, аха излоубыӷуеи,
узлаҭалои ухәда аҩныҵҟа?
Аимҳәара салагоит нас. Сеимҳәоит еиқәырццакны, аԥ
ҟаца-аԥҟацаҳәа, ԥсеивгаха сымамкәа, аха уҭахызаргьы
уҳәҳәаны ухыс… Ус, ус мацара сыхәда аҩнуҵҟа иҩеимашь
шьы ицоит, саргьы сылаӷырӡқәа акаканқәа ираҟараны
ишысҿыҵыддуа, сынхьыдышьшьуеит… Ус акәзаап дшааиуа
ани, зегь реиҳа зымчугьы…
Аҩны иҟоу маҷк аҟара сылҭахызаап, ахәшәтәҩы иахь
сдәықәылҵеит.
– Иухьӡуи , иужәлои, уанбаии, уабаии?
Даҽаӡәызар уеилкаара агәырҩа мыкӡакәа, иаразнак
ухәшәтәра иҽазикуеит. Ари зегьы ҭиҵаауеит, уи сгәы иаа
хәеит. Изҵаарақәагьы сзымариан, рҭак аҟаҵара сналагеит.
– 1932 шықәса рзы, аҟәҟәаҳәа ианеиларҵоз хьачхәама
ауха сиит. Ԥшьашан усҟан. Сышиз еиԥш арзаақь ҳәа сыҳә
ҳәеит, избанзар, сышиз ауаа ирыздыруамызт… Нас ҿааихак
ҟамҵаӡакәа аҵәуара салагеит…
Егьырҭ ахысра иаҿын…
Ахәшәтәҩы инҭырҳәыцааны сылақәа дырхыԥшылон,
иҽеибыҭаны дысзыӡырҩуан.
– Иҵуеи ухәда раԥхьа убас аназцәырҵ аахыс?
– Имҵыкәа. Иахьа хәашами? Абар шьҭа акы-ҩба ҳәа
зеижә мшы нҵәан, ҩажәа срықәуп.
– Сызҵаарақәа рҭак ауп иҟоуҵалаша!
– Ааи, урҭ роуми сызҿу… Иухашҭуа мшӡам уи ансыхьыз.
Мшаԥаҽноуп. Иара изыхҵыру алахь сауааит мцрак налаҵаны
исҳәозар. Агәадыҳәа «наҟ» амҩа ақәларазы аԥсык ауп иаасыгхаз уи аҽны.
– «Наҟ» абыкәу?
– «Наҟ», зегь ҳахьцо, анагӡаратә ахь.
– Аа, уи бзиоуп. Иуфеи усҟан?
– Уи бзиоуп уҳәоу? Исфахи, азҩа сфартәы зегь ирфоз
амшаԥы кәтаӷьқәа ҟаԥшь-ҟаԥшьӡа иқәыз рцәақәа иаар
гәылыршәаны, асыӡбал инӡаакшаланы акатаҳәа идәықәсҵон.
Урҭ уи аҽны адагьы исымфацкәа сыҟамызт. Зны-зынла, аҩны
иҟоу лыҟамзаара иақәыршәаны ахырҵлаӷьҵәҟьа нсыжьуамызт, аха џьеи исԥырхагахарын. Акапет еиԥш, сыблақәа цамцамуа, иҭҟәацны ицо адәы сықәын, сыхәдагьы шышкамсыда
иҟан… иууеи, сылақәа ушԥархыԥшыло мбатә убазшәа?!
– Мап, ус… амала амцхә уцәажәацәоит..
– Иаҳхылаԥшхәу абз зсиҭаз аҷҷаҳәа салацәажәарц азоуп… Б-е-е-е… р-е-е-е… – сажәа анагӡаха сымҭакәа атазҳәа
сҿы дынҭасын, сыбз касышк нақәырҵәашны иааникылан,
иара иахь ашьшьыҳәа даахеит. Сыбз ахьцоз схгьы ацымцози ишиҭахыз инаимҵагылт. «Б-е-е-е» – акы сҳәақәар
сҭахуп, аха сыбз ауижьуам. Илахь иадчаԥалаз апрожеқтор
шаԥшаԥуа сҟырҟы аҭылашьцаара илҭаирԥхеит. Сыбз ада
қәа ырҳәыҭҳәыҭуа сара сахь сахоит, иара, иахь дахоит.
Дахацыԥхьаӡа, сыбзҷыда адац ссақәа аҷҷа рыхгоит, ишеимоу сыбз ҭиҳәара дыҟоуп шьашәы дҭарблааит. Ихалаҭ ҟәаш
акәаԥ ҟаԥшьқәа алатата аиод фҩы ҵәыҵәӡа сԥынҵа иҭасует,
иаргьы-иаргьы еибамбааит. Ашьхымӡаҭра еиԥш игәаҩаӡа
иаатыз сҿы, сыб-шьтәа алымҳа иаҟараз ҩардаџ заманак
лҭаиргылан алада, аҩада илҭиҳәа-ҩҭиҳәеит.
Иауа-иашәан зыԥсы ҭазҳәа имҳаҵә акгьы аанамгеит.
– Ҷыҷын анышә данбарҭо?
– Ҷыҷын дарбан, сара дсыздырӡомеи? Зыхраҭ бзиахаша,
Ҷыҷын дызусҭашь?…
– Уара суҿым. Дына леиԥш зегь уара урылацәажәоите,
убз уҿы иааҭоукыр зны.
– Уаҵәашьҭахь ауп, – ихааӡа иаагеит ицхраауаз аԥҳәыз
ба лыбжьы. Иара ихы-иҿы аалашеит, Ҷыҷын ԥҳәыс дааи
мгозҭгьы, ус иара дымсааит.
– Сихьӡароуп. Убри анузцәырҵуаз аҽны уаҳа иуфази?
Макьана дымԥсыр ҟалагәышьон уи ашәиккагьы, адунеи дзахибааз сыздыргәышьом.
– Ыы, аа… дымԥсыр еиӷьгәышьамзи…
– Иуфази уи аҽны ҳәа сҵаауеит?!
– Ачаџьқәа, абырҷманчаԥа.
– Аа, урҭ бзиоуп, уаҳа?
– Урҭ шыбзиоу сымдыркәа ари саҟарахама?..
– Иаҳәац аҳәоит иахьцалак, уаангылар иауеи зны?
Нас дырҩагьых дкылҵыҵӡа сыблақәа дырхыԥшыло далагеит.
– Иаҳәац аринахысгьы иаҳәо, сыбзи сареи ҳаиԥымхо
анцәа ҳҟаиҵааит, уара иабауԥырхагоу. Сыхәда ауп ичмазаҩу,
уара сыбз агәаӷ укит, уи иахарои? Ыы! Суазҵаауеит сара?!
– Уара убз амцхә аџьа ахьаурбо акәзаргьы ҟалап ухәда
ачымазара зыхҟьаз. Уаангыли зны. Уаҳа иуфази уи аҽны?
– Аа, исфази? Исфаз мачхәызма. Ацәымза зхаркыз аи
шәа еиқәычаԥа ихыбны иқәымзи. Абысҭа еиларҵәиуа иуны,
акәҷышь рашыхлеи бырҷманлеи ичаԥаны, ахәысхәа ақә
ԥсаны…
– Уаагыл, уаагыл, уаагыл?
– Иҟалеи?
– Уаагыл зны. Изакәи, автомат еиԥш аӷәра ақәуршәӡеитеи.
Аҵаатәы уачычазар ҟалап, уара арԥыс избо.
– Сыԥсаҭыҩра ауми. Апырпыл еҵәа аҟәыд цаҳә-цаҳә
илӡаашьны, ани лашьҭасҵоит.
– Ани?
– Аҳәахша.
– Аҳәахша захьӡуи?
– Ухы иҭам, угәы иҭам узырҳәо – ауатка. Мшәан, уаҳа
акгьы шԥаузымдыруеи?!
– Аҳыҳ! Нас уҟырҟы ианылбаауа, ианцо…
– Ааи, нас сҟырҟы илбааны алада ицоит…
– Убри аҵаатәоуп уҟырҟы зырчмазаҩызгьы. Нас арыжәтә.
Аҷҷаҳәа сцәажәо, снаԥшы-ааԥшуа, амра сықәыҷҷа сықәын
даз угәахәуазар, абарҭ иуасҳәақәо урхымԥароуп.
– Урҭ арбақәан?
– Акәтыжьи акәаци ӡны иуфар ҟалаӡом. Ма иҭарбааны
ижәызароуп… еиӷьзар ҟалап зынӡа иумфаӡар. Ачаҩа, аком
пот, ақашь, нас ашәырқәа рахьтә алаҳа бзиоуп. Абарҭ уры
қәиҭуп. Аӡы ршны ирхьшәашәаны ижәла. Раԥхьа иргыланы
аҭаҭын ахара кажь. Уи ухәдагьы, иахьабалак иуԥырхагоуп,
ауаҩы иԥсҭазаара аркьаҿуеит, – иҳәан, абырқьҳәа алҩа
ҩасҿаирчын, иԥсы ихыҵуама уҳәаратәы дқьырҵҵы дшеим
ҳәоз днаҳәын, арецептқәа сзылҩаара далагеит.
– Амала, ус акәымкәа ауаа гәырӷьо, иччо, амра ашәахәақәа
рықәԥхо адәы иқәны, сара мацара сзаҵәны сыхьшәашәаӡа
анышә схәыҵандаз угәахәуазар, иуҭаху ыфала, ижәла. Са
сзы зегьы акоуп, – иҳәеит.
– Ҟаи, мап! Уахь ацара атәы иахысҳәаауа макьана акгьы
сыздыруам. Ааигәа сҩызак уахь дцеит, иҟоу иану адырра
усҭоит иҳәан, ихабар маацт.
Нас дырҩегьых сылақәа дырхыԥшылон…
– Ҵаара ԥхашьарам, зныкыр ахагацәа рҭыԥ ахь унанагахьоума? – ҭынч дҵааит, арецептқәа даарҟәаҵны.
– Ухагахо, уаапкны унылаҩр уцааитеи уахь усс исымои,
– сҳәан еидарак арецептқәа исзылиҩааз аақәсҳәан сҩа
гылеит.
– Ҷыҷын рыцҳа сихьӡароуп. Ҳаи, иҵапҟааит абри схылԥа,
иабазгеи? – дықәгьежьаауа ихылԥа дашьҭоуп, иара уа ихазза ихоуп.
– Ҷыҷын уаҵәашьҭахь аупеи анышә данарҭо, абжьы
хаа гоит, аха иаҳаӡом иара. Дихьӡаҵәҟьандаз Ҷыҷын, иаҳа
изеиӷьын. Ас гәнымҩышьа убахьоу!..
***
Уи аҽны ари ауаҩ ачымазцәа рацәаҩны изааит. Аԥсраабзара зегь рыла деилахеит, ҭынч даҽазны уизаар еиӷьуп ҳәа
сабжьаргеит џьоукы. Ус егьыҟасҵеит. Сааит ҭынч даныҟаз
иақәыршәаны. Ҷыҷынгьы даҳԥырхагамызт. Сызусҭаз, схьаа
аҭоурых, аханатә акакала еишьҭаргыланы иеиҭа иасҳәеит.
Ҭынч дысзыӡырҩит.
– Афатә еилых аҭахӡам. Абас мчыбжьык аҟара уатка
џьбарала акомпресс ҟаҵала…
– Ауатка аҩныҵҟала акәу адәахьала акәу?…
– Аҩыџьарагьы иҟаҵала, иуԥырхагаӡам. Аиеи, ахәда хьаа,
хьаа цәгьоуп. Ус унадыххыланы иааухәшәтәыртә имариам.
Афатә еилухыр, уеизгьы-уеизгьы иаҳа еиӷьхап сгәахәуеит
(деиҭааҳәыхт!). Нас иухоумыршҭын аҭаҭын ахара шкаужьра. Аиеи, абарҭ иуасҳәақәаз ҟаҵа, аҵаа злоу акы агьама умбан…
– Исаҳаит, исаҳа. Аҭаҭын ахара касыжьыр, сыхәда бзиахоит (ахаан самыхаӡацт), аҵаа злоу сфар саманы џьаҳанымҟа
иныҵаҳа ицоит, аӡы ршны ирхьшәашәаны изжәуеит, акә
тыжьи акәаци ахьыҟоу жәохә километр срывсуеит…
Слеиқәаҳан, ахәыцра салагеит. Аӡы ршны, ирхьшәашәаны
ижәуа. Суалырқәа ҩыла итҟәацуа сыҩцара иҵагыланы,
ақашь ыфо, сыжьҵаа, спырпыл рҵәы, схәыл ҟаԥшьӡа абҟәыл
иҭаны…
Еидарак исзылиҩааз ақьаадқәа ааимхны. Ашә ахьҿаз
сақәымшәо, сындәылҵыхт.
Ажәҩан кеи-кеиуа ицқьоуп, ҽаҩраҭагалантәи амра хаа
ӡа аԥсабара аргәытәуеит, аҵарақәа шгәырӷьо рыԥсы ҭкә
кәаауеит. «Абри сара саныҟамгьы абас амра гыло, иҭашәо,
аҵарақәа шәаҳәо, аԥсабара шыҟац иҟазаауоу, мшәан?! Ҳаи,
ас еиԥш аԥсҭазаара гәырӷьахә ныжьны наҟ сцарцу?… Уахь
изҭаху цааит, ус сымаӡам… Иҟаҵатәуи? Ашаха сашьҭаларыма
аҽкнаҳаразы?! Мап! Иҟаҵатәуп ахәшәтәҩы ииҳәо. Мамзар,
дызлааиз умбаӡакәа «ани» даакылсуеит, уиманы дныҵаҳа
дцоит уаҩы уахьимбаша. Уаҩы димбааит уи аԥсцәаҳа –
дышԥасцәымӷу!»
Сеидара ахәышә-абыӷьшәы зҳәаз еиԥш ааганы салагеит аҽыхәшәтәра. Мызнаҟьак убри саҿын. Сыхәшәқәагьы
нҵәеит. Саргьы сеиханы сзымгыло, сгыларгьы алаба наа
сзахымсуа. Сгыргыруа, наҟ ацарагьы сақәиҭымкәа, арахьгьы
акгьы саԥсамкәа саанхеит.
Сыхәда рыцҳа акәзар уажәраанӡа ашышкамс ҭалазшәа
ичыхәчыхәуазҭгьы уажәы аҳәақәа цәысуа иҭоуп. Сеимҳәоит
аԥсцаха смоукәа. Сылақәа кылҵыҵӡа арахь икылсуеит.
Инықәыршәын ҳқыҭан еицырдыруаз аҟәыдырԥаҩ Иака
лҟны сцеит.
Леиԥка иҵаҿаҳәаз, арҵуҟәшәага амакәан еиԥшыз даахан
«ԥсымилаҳ» ҳәа иаахлыртлеит. Амра иарҩаз ажәцәеимаа
еиԥш, икҷымлагәӡа иҟаз ллаԥықәшәаиурҭа лҟәыд цырақәа
надкылан, лқьышә аалыркәамкәамит. Нас лҟәыд цәашьқәа
сԥышәгьы инадлыџьгәалан саргьы иаасыркәамкәамит. Уи
акәхеит. Аҷҷаҳәа иаҳәеит аҟәыд. Хәыц еиқәаҵәа злам шьтәа
нарҳа дук ажәҩан иаҵарԥштәуп, «хыхь» иҟоу ҳәа.
Уақәтәар, ушьапқәа саара ишьҭамсуа сышьтәа ду аарылызгеит.
– Қьафура ҳамоуп, Сакәыт, ара уааи, – сҳәан, сгәыла
даазган, илага илаҳархеит. Иахьабалак кәац убаӡомызт,
ицыцашха акәын ишыҟаз. Иареи сареи ҭаацәашәала ҳла
тәан «хыхь» иҟоу ҟаҳҵеит. Иҭаацәа «дсакасанҵаны»
иҩныҟа дыргеит. Саргьы ахәшәқәа срымгахьази мчыс
исымази, сыԥсахәа шҭаз снаганы скаруаҭ снандыршәлан,
маалықьҵас сҭаҳәахаа сыцәт. Еицрыҵәҵәы абшьтәа исҵааз,
ишшаԥасалаха ҳладтәалан ҭаацәала. Уи ашша иалыҵәҵәоз
сҟырҟы ахәша ҭарӡыҭуа, иарԥсаҳәо илбаауан. Акрыфара
агәарԥхага ҳәа ишәытаӡа ахәшә изжәуаз ацынхәрас, акакаҷ
ҩы аҵәца иалԥхаауа, ачча-ччаҳәа исҿаччо, ҩба-хԥа ҵәыца
аҿыласырхон.
Ус, ус, хәыҷы-хәыҷла сеимҳәарагьы, сеимсарагьы гәырӡшашәаӡ инкылаӡ ицеит. Аџьма еиԥш атрым сыԥо, сҩызцәа
сынрылалеит. Аџьма сыхәаҵәҟьазшәа сгәы иабо сҟалеит.
– Бқәақәра згааит, Иака!
АРҬ ШҾОУ, АМԤА…
Кадыр Нарҭба аԥсразы дықәын. Дӡышӡа, ԥаимбарын
рыцҳа, уажәы ихы дамыхәо ииарҭа даӷроуп. Рчаврақәа
рқьышә иадкылан, рылақәа ҭыҟаԥшьаан иԥҳацәа, иԥҳәыс
Шьамсиа, игәырҩон дызҭахыз, иуа-иҭахы. Дызлаз Мрашәахәа
ақыҭа. Ауаҩыҵәҟьа дызҭаху рацәахоит.
Иԥсы аиқәырхара иазықәԥоит ахәшәтәыҩцәа.
Абан зхабар ыҟаӡамыз Ӡыкәыргьы ара агәарԥ дахьааҭала.
Еилаарцыруа агараж иҵагылаз «Жигули» илаԥш нақәшәеит.
Игәы ҩҵыблааит, иҩнуҵҟала дааилауаҭырт. Иахьеи уаҵәи
иԥсыша аҭаҳмада иазиуазеи амашьына? Ма ҷкәына димандаз.
Аха иҷкәын сара соуми, аӡы сӡааимхи. Шьҭа сыҷкәын уоуп,
дад, ҳәа сеимҳәеи, сыԥҳацәа уаҳәшьцәа роуп. Акырсымазар
уара иутәуп имҳәеи, уажәы ааигәоуми аӡы санӡааихызгьы,
шьҭа иақәиртәода, сара исимҭар. Ах, исиҭахыр. Иԥсы
ахьынӡаҭоу иҿы иаирҳәондаз ианаџьалбеит.
Иӷәӷәоу ԥсаҭатәык изаазгоит, аԥсхәы, асабшахә, зҳәаз
еиԥш раан, ԥшәымаҵас слахагыланы абри закәызеи, мшәан,
рҳәаратәы еиԥш исырԥшӡап.
Схаҟынтә сшьапаҟынӡа ашәы схьыхәхәа ишьҭысхып.
Ипатреҭ ашәы аакәыршаны сгәы инадсырҷаблап. Лаӷырӡиҿи еиқәымхӡакәа аҵәуара саҿызаап, срыдтәаланы амыткәма
рыцысҳәалап. Абри зылшада рҳәо, амармалташь иалхны
инышәынҭра ӷьазӷьазуа, ипатреҭ лаласаны идсырҟаҵап. Нас
даргьы уаҳа намыс рымаӡами, рмашьына шԥасхырбаари!...
Дахьышьҭоу хыхь ауадаҟны ауаа рацәоуп, даарагьы
рылахь еиқәуп, шьҭа «дааизар» акәхап «ани». Иҟаҳҵари,
аԥсра мыжда зегьы ирзеиԥшуп, уаҩ деилнахӡом. Амашьына
ҿыцҳаҳараӡа, ишԥаԥшӡоу инкыдырҵааит. Дҩыхәнеит, хыхь
ауадаҟны. Кадыр абыржәы иԥсы ишьарц днықәиеит уҳәап,
дҭынчӡа дышьҭоуп. Аарла илақәа аахитуеит, инхиҩоит.
Ӡыкәыр иҽеиԥсхарчны, «иҽыҟажаны» днеихагылт.
– Уҽырӷәӷәа абааԥс, саб ухаҵами. Амшын иҭоу аԥсыӡгьы
акы анахьуа ыҟоуп рҳәоит, акы ааулакьакьазар убзиахап.
– Дыниабжьеит. Ачымазаҩ ила ҭырхаха дааԥшит. Иԥсыдаз
инапы ҩышьҭихын, ихагылаз Ӡыкәыр ижәҩахыр ааишьышьит. Акы иҳәарцгьы инаԥшьигеит. Ӡыкәыр иҽеиҩырҿаны,
длаҟәӡаны илымҳа наидикылт, зынӡа деиқәлымҳаха. Ауа
даҟны Кадыр иԥҳацәа рқьып-шәып бжьы ада амҵ ԥыруазар
иуаҳауан.
– Уаҳәшьцәа урхылаԥшла сыҷкәын, уаҳәшьцәа роуп
арҭ, рангьы уара уан лоуп… шәеицыз… – нас дынҭанагалт…
Ӡыкәыр деиҵакы-еиҵакуа дындәылҵын. Ӡыбнаҟа иҿы рханы
ичабра ааҭиган, хычбабаҵас ибахӡа иҟаз иблақәа инархишьаархишьылт…
– Уасиаҭс иуеиҳәази, иара ахәаша? – дааидгылеит аԥ
шәмаԥҳәыс Шьамсиа.
Ӡыкәыр акыраамҭа ҿиҭуамызт, иҳәаргьы «иҭахымызт»,
аха данхҭалкӡа имҳәар дабацоз.
– Иара даныҟам азыҳәа адунеи иқәаҳхуеи зегьы. Абаа
ду еиԥш ҳиқәгәыӷуан… Сҭаацәа унапы иануп, сыҷкәын. Амашьынагьы ухы иакәыхшоуп иҳәеит… иара илымкаа… амашьына… ыыҳ-ыҳ… – иааимеиҭәеит. Шьамсиа лкасы, аҿацә
ҟаҟо, амаҵурҭа аганахьала лҿыналхеит.
– Дыԥсуазар аабап ҳәа ҳизыԥшуашәоуп ҳаштәоу. Аҟәа
ахәшәтәыҩцәа дуқәа ыҟоуп, уамак бжьам, ҳҩеины, ҳалаԥшны
иреиӷьу аӡәы даагап. Анцәа имчала, ҳазлацои ҳҳәо ҳаҟам,
амашьына еихаххаа ара игылоуп, – иҳәеит Ӡыкәыр даагылан.
Уи усгьы дыԥсуеит, баша аџьабаа ухы залауҵои ҳәа аҳәара
уадаҩын. Ааи-чааи, хәарҭак иоургьы иудыруеи, анцәа акы
иҳәахьеит, рҳәеит.
Ашампыл еиԥш, агаражгьы амашьына ныҵууааит. Ицырцыруа, ҷыжь-ҷыжь ахго, аҿыц фҩы ахышәшәо, ишԥахазыноу,
амашьына мыжда! Абри зегьы ирҭахуп – зегьы ироуӡом, аԥсра

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14
- Büleklär
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3393Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3522Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3475Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3457Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3437Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3521Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3501Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3518Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3407Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3443Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3495Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3465Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3521Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3510Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3590Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3553Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3538Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3418Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.