LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11
Süzlärneñ gomumi sanı 3488
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2464
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Егьи аҩеижьцқьа иаҳкыз даҽа ҟазшьа ҷыдақәак амахуп. Уи, ача шәаҟьеит ҳәа иааҳәынгьы иазхьаԥшуам инахууаа ицеит ауп. Зыжәҩа ӷәӷәоу хьшьуп, акыр инанагоит, аха иухоумыршҭыроуп ианаамҭоу аӡы аржәра, мамзар
аҵыхәа ааршәшәаны, акыр-кырҳәа аҵәҵәабжьы наурҳаны,
агәыҵа уҩыҵанарԥшуеит, ишхагьежьаауа мацара кәыбрык
инаҟараханы, нас уи акәыбры агәыр ԥынҵа иаҩызаха, ҵа
змаӡам ажәҩан ашҵа иналаӡ ицоит. Уаргьы, аа, ариабжьарак
слаԥықәшәа абри акәзаарын иснарбоз ҳәа угәамҵ-хамҵуа
аҩныҟа иқәуршәуеит. Абас иҟоуп аҩеижьцқьа. Рыҩбагьы
Антипа ихы иакәхшоуп, аҳәыҳәрыхьшь сара исиҭааит. Иаргьы убасҵәҟьа акәын дышхәыцуаз. Иара, еилаҟаца ачавра
иахьагәылоу иҭрыс-мрысуа мбатәуп иҟанаҵо. Аҩада агәы
рхоуп, аҩызцәа каууа излоу ажәҩан иаҵаԥшуеит… амца
рхуп аблақәа.
Изгәаӷьит. Иасҳәеит Антипа ари аҳәыҳәрыхьшь сара исыбжьарц, нас ачашәара аан инеиҭак-ааиҭакуа, ҳалачашәаларц.
(Усгьы аӡәы иҳәахуоу, аха уаҳа исҳәарыз сҿамшәеит). Ини
мырԥшит, аха уеизгьы… Дгәыӷуан акьанҷ аҭаԥсара ҟаҳҵап
ҳәа, дгәыӷуан иара иаӡап ҳәа аҳәыҳәрыхьшь, имгәыӷкәа
иԥсхьада, зегь ҳамгәыӷуеи. Уи акәхеит. Егьырҭ аҩ-хьшьык
иара иаашьҭихит, «ани» – сара. Ҳмалмыҵқәагьы ҳакаҭа ины
лаҳаԥсеит, раԥхьа иааҳԥыло ахәыҷқәа алаҳаргәырӷьарц. Ус
абра Амбара ҳлалбааит, шьыбжьонын, каамеҭшәа ишоуран.
Шьыри, ӡык ҳҽӡааҳшьып сҳәан, ҳахьшьқәа аҟәара инықә
ԥсаны амшын ҟәандашьшьыраӡа, иаҳгәыҵаҳәҳәа ҳанҭалеит.
Хӡаарҵәи ҟаҵо, ҳазхараҵәҟьа ҳҽыкәабаны ҳааҭыҵуаны
еиԥш, ҳахьшьқәа руакы ааԥаҟь-ԥаҟьын аҵыхәеи ашьапқәеи
еидкыланы иахьҿаҳәаз ачавра ааптын, иҩышьҭԥраан, есс,
ачавра шкәакәаӡа ишахарԥаз, ихагьежьаауа ажәҩан иҩа
лалеит. Анаџьалбеит егьырҭ ҩба руакы акәындаз ҳәа ҳнар
хаххит, ҳахьшьқәа.
– Аҳәыҳәрыхьшь!..
– Ааи, ахаҭаҵәҟьа Ачавра ақәҵәиаашуа атыртырҳәа ажә
ҩақәа ҟьо, Амрагыларахь ахы рханы ицон. Уахь ауп дара
усгьы рхы ахьхоу ҽаҩраҭагалан. Аҟәраанқәа ҟыруа иашь
ҭагьежьуан. Урҭ жәытә-натә аахыс еиӷарак рыбжьоуп дара.
Бираҟҵас ачавра шәыршәыруа ишахагьежьуаз мацара
ицеит, ицаӡеит ҳҳәыҳәрыхьшь аҳауа иналаӡ. Ҳцон аҩныҟа.
Антипа ихьшьқәа дрыламԥшӡакәа руак аарылхны сара
исиҭеит. Саргьы иара иеиԥш исиҭаз арбан абжьаҩашьа акәу
аҩеижьцқьа акәу ҳәа сахәамԥшӡакәа, амалмыҵқәа злаз
сыкаҭ иныласҵеит. Амҩахь аҷҷаҳәа дцәажәон Антипа, сара
ацәажәара сгәаԥхомызт.
Аҩны ҳаннеи саб иахәҭаҵәҟьаны иухьит ҳәа сеиҳәеит.
Акьанҷгьы ҭаԥсатәӡамызт, аҳәыҳәрыхьшь ҳақла изтәыз
Антипа иакәын. Акы, уи дусасын иара – аҵыси акаҭеи уара
иахьутәыз аҟнытә акәхап, аха ачеиџьыка? Иара итәы акәын
ишәфоз. Ачеиџьыка амч закәу уажәгьы иузымдыруазар,
нас… Абна аҵас еилоугар ашьа ауеит. – Абас иҳәеит саб. Уи
диашоуп, уажәшьҭақәа роуп ианеилыскаауа.
Нахьхьи аџьра агәҭаны аҷаҩ ҳәа лабыҵәк ԥҵәахт. Абни
алабыҵә хәыҷинӡара абжьы абнара аҭынчра шԥааиланаго,
хысбжьык газар аҟара. Ҽынла акәзар, иуаҳаӡомызт. Жьоу,
аашьышьу, ешу акы ақәԥаланы иԥнаҵәазар акәхап.
– Изхысҳәаауа, ашәарыцара ауаҩы изы иԥсыршьаганы,
аџьашьахәы аҵаны иҟазароуп. Уажәы ишыжәбо ача хәыҷин
ӡаразы абџьар ахь аиасра ҳалагеит, уи шәарыцарам. Бџьарла
узышәарыцозар, абынҳәа, амшә ахьамоу уца. Аҳаскьын арҵу
ылҟәшәааны, ма ахәларха, ма ацәҟьа ҳаны аҟыршы жьаны икны, уи уҳәатәы ханаҵо улаба иахахәмараауа ибжьаны, нас уиала ахьшь жьаны икны, уи удԥхьаланы ибжьаны
ачақәа аттаҳәа иалоукуашәа аҟаҵара – абри ауп аԥсшьара,
аџьашьахәы – шәарыцара захьӡыҵәҟьоу.
Ачагьы угәы ахыланы, ицқьаӡа иумфои. Апатрона азна
ашьацма-сса лҭаҵаны агәызҳәа ача хәыҷы уеихсуеит, иҟәа
ҟәаса инкауршәуеит. Нас ала ажәӡы аҿыҵкәкәа инеины уи
ԥыххааса иҟоу ача аҿарзза иаманы иаауеит. Ушьҭан уи аԥлакь
ианҵаны иӡны иф уара. Ауаа рчысҭра тсала идырҭәуеит
бџьарла ачақәа ирзышәарыцо иалагеижьҭеи. Егьа чымазара
рызцәырнагап.
Урҭқәа ҳарҟәаҵып, шаҟаҩы еиҿахысны рыблақәа ҭибах
хьоузеи, шаҟаҩы ршьапқәа хыжәжәаны агра ргахьоузеи.
Ушьамхы иахымыҳәҳәо ахәыҷқәа абџьарқәа ддыркуеит, асры дылҳәҳәаӡом, дзеихсуа, иишьуа ҳәа акрибома уи,
иҩызак дишьыр амуеи, нас уи иаб ҵәҩаншьапыда адәы
дықәзаап. Иқәихуеи усҟан адәы? Ҵәҩаншьапыда.
Абригьы иҳәеит Шьрын иагьааицәымыӷхеит, инақәырц
цакны Алықьса луантә даақәԥсычҳаит. Аӡәгьы игәы иамыхәо
акы самхамҳәандаз ҳәа еснагь уажәақәа раӡаны ацәажәара
уадаҩуп афы асит. Алықьса иахьихьҵәҟьоз иақәсыршәеит.
Иабасҭахыз, садызцалазеи аҵәҩаншьап уажә абра…
– Саҭоумҵан, Алықьса, уи уара узы исымҳәеит, ус исҿы
ҵашәеит, адынаа…
– Иауазеи, иауазеи, уи уадаҩым. Сара ҵәҩаншьапыда
адәы сықәзар, уи уара иухароузеи.
– Зегьы уаԥхьаҟа ишьҭоуп макьана, аус злоу уара уоуп.
Дыԥҳәыс бзиагәышьоуп уԥшәмаԥҳәыс, лыгәаӷьра уцәуа
даҩуп, аха уара макьана уҷкәыноуп, баша уҽуражәуама
нас? Лара амҩа улҭоитеи, умԥшын, ус егьаџьара иҟалахьеит.
Унхамҩа ҭбаа знапы иануҵода уаныҟам, уаалых даҽаӡәы.
– Ааи, Шьрын, ҩызак иаҳасабала аиаша уҳәеит, уҵәҩан
шьапы баша иумырӡын. Ларгьы хшара дызҭахым аӡәы ди
разҟхар ҟалоит, уаалых даҽаӡәы, – илаиқәирӷәӷәеит Шьмаҭ
гьы. Алықьса даҽазнык аҵанӡа дқәыԥсычҳаит, аҭаҭын
абырқьҳәа алҩа ҩауижьит.
– Сара сеиԥш ахшара дызмамкәа шаҟаҩы мҩасхьоу,
шаҟаҩ адәы иқәу жәдыруоу. Саргьы убарҭ сырҩызазааит.
Сгәарԥ аҟны акыр-кырҳәа асаби ибжьы ықәыҩуа исаҳараны
ислахьынҵазаарымызт, иҟасҵари… Мап, аҩны иҟоу дсыз
кажьӡом, дысзыгәаӷьӡом сара, уи илеиӷьу дысҭахӡам. Хшара
дызмамгьы дара рхатә ԥсҭазаара бзиа рымоуп, – Алықьса
дҩықәтәан иманшәаланы ашш ибӷа надҵаны ажәабжьк ахы
акра дналагеит. Аеҵәссақәа ԥырӷыцқәоушәа ҩахьхьи ажәҩан
аҵа иалаԥсаз еилацәҟәуан. Алықьса урҭ дырзыԥшуан.
– Усҟан исхыҵуан абас жәаа-зежәҟа шықәса. Ашкол
аҟны ҩынтәҟа сахахахьан, азы сҩардаџӡа, сыда змам ԥҳәыс
дысзааигартә сыҟан. Адунеи амца акын, аҿҿаҳәа абылра
иаҿижьҭеи шықәсыки бжаки раҟара ҵуан. Ишыжәдыруа
еиԥш, иара убри ашықәсан ауп сагьанца аибашьра. Нан
ҳәа мзазы, аџьықәреиқәа ргәы ҭалон, даара ишоуран. Уи
аҽынгьы сан ишыҟалҵалац еиԥш, «ашкол ахь, нан, ашкол
ахь», – лҳәан, иаалԥыхьашәаз ҳарч-ԥырчк насҿаҵаны,
агәарԥ сынҭылцеит. «Уанаауа иухоумыршҭыкәан апочтаҟны
ункыдгыл, уаб акрааишьҭзар убап», – лҳәеит. Шашәала
иԥахны еиларҟацаны исымаз сышәҟәқәа аасҩыҵракны
агәашә сынҭыҵын, Кәыџ иашҭа снықәыԥшызар, ассир сыбла
иабеит.
– Акы уасҳәоит, ушәҟәқәа еснагь еиларҟацаны иҿаҳәа
зар, ашколахь указцо арбаныз? Арҵаҩцәа гәхьааганы
снарҿаԥшындаз ҳәа акәызу, мамзар?.. – Шьмаҭ днаиаз
ҵааит.
– Иацы ашкол аҟны сыҟаӡамызт азы аурокқәа сыздырӡом
ҳәа иҳазгәакьоу арҵаҩцәа ирасҳәарц сцон. Урҭ сышәҟәқәа
ҳәа узҿу, ԥсмыртыцижьҭеи акрааҵуан. Аибашьра ахлым
ӡаахха аҵара зҭахыдаз, сышәҟәқәа уаҩ дрықәгәыӷыртә
иӷәӷәаны иҿасҳәеит, ус егьыҟан. Ишәаҳау, дырҩегьых «ҟыж»
аӷыргахт абнаҟны акы, абни хьажьӡамзишь, мап сыԥсымзар
аеш ауп, ԥхыӡ бааԥсык абазаап.
– Уи уаҟәыҵ, наҟ иҵапҟааит, уажәа ҳәала.
– Аиеи, шәысԥырхагамхан. Кәыџ иашҭа адәы иаҵәа ка
каҷла иқәҵоу исымбацыз аҽуардын иашьхьаз аҽеиӷра
баақәак аԥыжә-ԥыжә ҳәа иҳәуа иқәуп. Аҳаскьын убас
иқәдырхаауан, анышә шьыҵәрақәагьы адкыланы иафома
уҳәаратәы. Ҳгәашә азааигәараҵәҟьа урҭ зҵаҳәаз аҽуар
дынқәа еилахаа игылоуп. Амшьамба қьала хәыҷқәа икыл
жәжәа-чылжәжәа, ахәажәақәа реиԥш иқәацә-қәацәӡа еи
лагылоуп. Атабор. Иаха ҵхла уаҩы имба, уаҩы имаҳа ацы
ганцәа ртабор ааит.
Аибашьра мыжда џьара иҭнацазаап, ҳқыҭа ахәҵа иаанацеит. Ацыблыкьқәа реиԥш ианымҩасуа, уаҩы ибаӡом дара.
Ахацәа аҽагақәа ҟаҵаны, рыбзқәа шыбзиоу жәбо ҳәа аҷаҩаҷаҩҳәа иааинҟьо амҩадуқәа ирыбжьаланы, агәарԥқәа
инарҭаҳауа игәароуп. Даҽа џьоукых агәыргәылқәа еиҿаԥсаеиҿаԥсо, ахьхьа-хьхьаҳәа рҟәаҟәа иқәу архнышьнақәа
ааиҵыхны инаддырбоит, акы наҭнырхуеит, акы ааҭнырхуеит.
Урҭ ахныҟәгашьа иақәшәоит, шамахамзар, мла рҽадыркӡом.
Аҳәсақәа ракәзар, рыҵкы мырзаканқәа ааикәаԥсо, ишь
ҭарҳәазо, рмаца цәашьқәа неилыршьқьыраауа «гадаи, га-
даи» ҳәа аҩнқәа инырҩнаҳа-аарыҩнаҳауа ирылоуп. Да,
сыҷкәын деибганы даауазар, … ҳәа анацәа гәаҟцәа ама
ца нықәрыԥсоит. «Ааи, казен ҩнык дадаабалоит, аха абар,
абар аҩныҟа ддәықәлоит» – рҳәоит. «Иарбан казен ҩну,
иан имаӡамкәа имихыша», – лҳәоит ан рыцҳа. Нас бжьы
џьара еиқәҳәало илымоу лчавра аацәырганы, акакала
иԥыртуа лҿыҩалхоит. Аԥара змамгьы ҳәарч-ԥарчк зҳәаз
иеиԥш, адулаԥ иааҭылгоит, ацыганцәа рарҭмаҟ цәашьқәа
инарҭарџьгәоит. Амӡырха уаҩы дықәрымбааргьы азамана. Мариа-ҿариак иаарԥыхьашәо рԥыраҳәа еизышәшәақәа
инарылаџьгәаны, ихьаԥш-кәаԥшуа, агәарԥ инҭыҵуеит. Ус
ирӡогьы рыздырхо џьышәшьоу, ашацаҳәа даҽа гәарԥк ишазцо убоит.
Аибашьра агәаҟра. Ацыганцәа ракәым, абзиа ҳҳәааит,
аха ҳара ҳабжьарагьы. Аҳәсеибацәа рыжә заҵә рӡон, ма
рца иҭалон. Амлакра иҟанамҵо иҟоузеи. Зыцқәа аарла
изрыԥхуаз аџьықәреи лапҟьақәа ҭыҳаҳа алақәа ирфон. Алаба наа изахымсуа алақәа аџьықәреи ахьаҿоу изыҩаӡомызт,
уахь иԥартә амч рымамызт азы аџьықәреи ашьапы илад
тәаланы иацҳауа мацара ихырҟәыҿааны инкарыжьуан.
Нас уа илатәаны рыԥсаҭа кыдырҵон. Уи азын уажәы алажә
рыцҳ ақәа аҟәҟәақәа зхаз убарын, акылаара изкылымсуаз мҟәыбак ацраҳәоуп ҳәа. Ашәшьыраҿы рымгәақәа еид
ҟьаԥсла иианы иҳаш-ҳашуан, мҵык рықәтәеит ҳәа аарла
рхы ҩышьҭыхны инахәаԥшуан аҟароуп. Иазыҭрысыртә амч
рызҭагәышьодаз. Нас, ус дырҩегьых рхы нықәҵаны аҳашҳашра иалагахуан.
Дара ацыганцәа рхәыҷқәа ракәзар, иҿшәаа-ҿшәааӡа,
рымгәацәа хәыҷқәа ҳәаҟьа-ҳәаҟьаӡа ицәҟәныршьаны, иҩуа
ари ашҭа агәы иқәуп, адәыкакаҷқәа рыҟәшәоит. Иабарбахьаз рыцҳа аҳаскьын шәҭқәа, дара зышьцылаз акаҭран зыншьылоу амҩақәа рҟны ахәмарра акәын.
Изхысҳәаауа, еилауаҭыруаз арҭ ацыганцәа џьашьахәыс
иҟаҵаны, сҿы раҳаны сышрышьҭаз шьыбжьы ааит.
– Ушкол згәалашәода…
– Ашкол шьҭа иоурыжьхьеит, саԥхьаны сааит сҳәап,
сҳәан аҩныҟа схы сырхеит. Ҳгәашә ааигәара ԥҳәыс ҿак
дхарахаԥшуа, дҵыркьакьаны ҳцитрустә ҳәаа дхыԥшны
ҳгәарԥ дышҭаԥшуаз збеит. Ҳамӡырхаҟны инцәыҵас-аацәы
ҵасуа, еилаҩҩы акәытқәа иқәыз лылаԥш хааӡа ирхын.
Кыр-кыр-какәу ҳәа ҳарбаӷь ика ҟаԥшь ду рыгәҭа ирылагылоуп агәылацәа рарбаӷьқәа рықәҿыҭуа. Акәытқәа иаарылагьежьуа. Уи аҩны аԥхьа амжәа ду ашәшьыраҟны сани
ҳгәылацәеи аҭаҭын дрыԥхуеит, урҭ лбаӡом лара. Акамбашь
ахәыл абон аанда абаӡомызт.
Дышгәасҭаз анылба арахь уааи ҳәа аанарго лнацәкьыс
аалырҵысит. Азныказы мцабзк ҩасыхҟьан, слымҳа ашьаҭа
қәа инадыркны сҟаԥшьӡа сааибакит. Нас иззакәу сыздыруам,
аха ахәаца-хәацаҳәа лара лахь сҿынасхеит. Мхалдызшәа
акы сыханы сагон. Ахаан тәым ԥҳәыск слыдылмыԥхьалацызт.
Саныналыдгыла, еикәарҳәы-еикәарҽы иқамсаӡа схахәы
иқәжьыз лнапы ԥшқарахӡа, лнацәкьарақәа ҭхәаа-ҭхәааӡа
иҟаз налалыршьшьын иааилалыжәжәеит, наџьнатә илдыруа аӡәы сакәушәа. Иԥҽу арацәаххыра – убас лыблақәа
еиқәаҵәамлаҳӡа ицырцыруан. Апҟа ахәда еиԥш иҭхәааӡа
иҟаз лыхәда ҵҟәашәаара еиҩырҿа-еихырҿа, еилаарцыруа
ахәдахаҵа еибаркыра ахажьын, лнапқәа ракәзар, акакаҷрыԥх еилаԥса ахан, иаапазны ахьтәы мацәаз лгәабжьанацәа
иахыҷҷаауан. Лхы анааҵыслак, амзаҿа еиԥш иҭыфааӡа
лыхьтәы лымҳарыҩ дуқәа аауҿаҷҷон. Ҩынтә, хынтә схахәы
ааилалыжәжәеит, лыбла маахырқәа кылкааны сыбла аҷыц
қәа ирыхкыланы ишылкыз. Лыԥсыԥ ҟәандаӡа исныруан. Наҟ
слылаӡҭып уҳәаратәы акәын сышлыдылхалоз.
Убас абри ацыган ԥҳәыс лыбла еиқәаҵәақәа сылалырҟацон
аф смыст зҳәо хаҵак ишьапы днықә-наҟьартәы. Лгәаҳәԥы
шшәырқәа ачабызақәа реиԥш иҟәыршәҭ-ҟәыршәҭӡа цәгьа
иццакны ишьҭыҵуан, илаҟәуан.
– Уара, уанаџьалбеит, иҳамауки, нас, нас? – дааӷьаҵәыӷьаҵәит Шьмаҭ. Шьрынгьы ҭаҭын ахараны исит.
– Шәаангыл уара, шәмыццакын. Уи ус шәара ишышәҳәақәо
реиԥш имариам. Ҭаҭынк амца аркны исышәҭи, абас. Шаҟа иҵх
ҭынчузеи уаха. Ажәҩан шԥахьыҵәцароу, уаҵәы ахьшьқәа
ҭыҵыр ахәҭоуп. Нанҳәа аҽны иукуа ахьшь халаӡом. Акыр
ҳазкыр уигьы ԥаҳшәон.
Лбаа амшын иалагылоу аҳацаҟьа ҭыҿҿақәа рыҵаҟа, аҳаԥ
кылжәарақәа рҟны аԥсыӡқәа рацәаны еизеит. Сасцәақәак
рзаан, урҭи дареи аимак ӷәӷәаны ирымоуп. «Аԥсыӡ ахьиз,
иахьааӡаз аҳаԥаҟны иарада ԥшәыма дҟамлароуп» аҳәозар
акәхарын, зықәра акыр инеихьаз ари аҳаԥ ԥашә иахшаз,
иааӡаз ԥсыӡ ҳәылмышь дук цәажәон. Аиҳараӡак аԥсыӡқәа
абри иаҳәоз ииашоуп, исамарҭалуп ҳәа иқәгылеит, аха
егьырҭ – «асасцәа» аҿагылон. Аҭыԥ ԥшӡа зегьы ирҭахуп.
– Лӡара еихҵәан, лԥыраҳәа еизыҳәҳәан. Лшьапеи-қәа
ҵәақәа ҟьаҟьаӡа ихтны аҳаскьын татаӡа илагылан, сыблақәа
амса рхыланы, сылзааигәахон саргьы. Лара лакәзар, ԥша
ҭынч инанаго аԥҭа аиԥш, зынӡак дымҵысӡакәа ԥшьшьала
дыӡсауа шьҭахьҟа дцауан. Сгәеисра аҽарццакцәеит, арахь
ҳгәашә аԥхьоуп ҳахьгылоу. Нахьхьи, ҳашҭа ҭбаа агәҭаны
зҽеимыртаӷа игылоу амжәа аҵаҟа аҭаҭын рыԥхуа итәоу
сан лҩызцәеи лареи збода. Ахаҵа ибла амса анхыла, нас
ҳаӷеиҭа… усҟан аԥҳәыс лыгызмалра аиааироуп акәымзар,
апапанҵҟәыр захьӡу ҟамлои. Абарҭ шәгәарԥ иқәу акәытқәа
зтәыда ҳәа дҵааит лара лҽылзымдырратәы, лыԥсыԥгьы
ҟәандаӡа сыкәа инҭалеит. Ҳара ишаҳтәыз ласҳәеит амырза иагаша акәытқәа, урҭ раха змада уажәы. Кәтык суҭар
нас… абнахь лнапы рханы акы слырбақәеит, ус сыжәҩахыр
аалшьшьит. Сара сҩеилыбзаа-ҩеилыбзааит, стәарц акгьы
аасыгымхеит. Схы аурҭ ҭагьежьуа «ҵуу» ҭгон. Кәтык акәым
изхылҵыз аҟәарҭгьы, раб ика ҟаԥшь ду нарыдкыланы…
снапырхха-сшьапырхха акы еилазыжәжәақәеит. Ахаҵа ибла
амса анхыло, усҟан ҽеи ыҟам. Ауаҩы дҩагыланы иаӷа изимура ихы ианазиуа ыҟоуп…
Ҳаиқәшаҳаҭхеит…
– Аа, анаџьалбеит, усҟан узбалак!.. – Шьрын еисииз ибӷа
аанкыланы, аҭырас канӡа ԥыҭк ааизыҳәҳәаны инаҵеиҵеит.
– Шәысҟәаҵ уара, мамзар исҳәаӡом…
– Аа, ҳауԥырхагам, иҳәала амарџьа. Уаҟәыҵратәы ҳау
шьуама?!.– иааицдырӷызт.
– Сыбӷаӡара лнапы ҟәымшәышә надҵашәа снарнааны
ҳамӡырхахьы ҳакәытқәа снарызхьалрыԥшын, ҩ-нацәкьыск
слырбеит, нас абна шыҟаз лнапы лырххеит. Шьҭа ҩ-кәтык
дрыҳәоит шәымбои. Азамана, рызегьы бхы иакәыхшоуп, урҭ
зҭахыда… – сҳәеит.
«Шәрр», «ҵрр», «ҵах», «ҟыжж», «ҵәит», – аџьра еиқәа
ра ҵыхла ицәажәон. Аџьра аԥшәмацәа роуп, гәыбӷан ры
ҭатәым.
– … Схы аҭыԥаҟны иааит. Иҟаԥшьӡа иршны аӡыхь ил
ӡааршьыз аихаҵәы еиԥш, сеиқәыхьшәашәа сааҟалеит. Ахаан исыдсымбалацызт тәым лымт фҩык сгәыҵышәшәон.
Дцандаз лара наҟ дсымбаӡо, абна днылаӡ. Иабаанагеи,
мшәан, дара, абра ахәҵа?! Сара сзы акәын изаауаз. Адунеи
шԥахаам. Сҩеихан, сҩагылеит. Лара дсымбаӡо дцахьан. Аибашьра дҭахеит схаҵа, ахәыҷқәа сызныжьны, урҭ ааӡатәуп,
саныгьежьлак, ҩ-кәтык сыҭ лҳәеит. Џьаҳаным рҭыԥындаз
акәытқәа зегьы. Аҽнышьыбжьон акәытқәа рҟыжуа икны гашьас ирысҭои, сан лҩызцәеи лареи ашәшьыраҟны иштәоу!
Ашәикка, анамысда, ацәарӡга – сара. Сышәҟәқәа абазгеи,
мшәан? Урҭ схы иҭаӡам, урҭ ахаангьы схы иҭамлаӡацызт.
Аҩы иашьуа еиԥш схы ҭууа ишԥаҟоу итҟәацааит. Аа, абар
аџь аҵаҟа аҳәира иахьхәыҵажьу. Еилыҩрыр ҳәа ушәоу усгьы, еилархха иҿаҳәагәышьоуп.
– Адырҩаҽны ашкол аҟны аурок азы уандыргыла, сара
сакәым шәзызҵааша ацыганԥҳәыс лоуп уҳәазар акәхап…
– Сымцаӡеит уаҳа ашколахь, рхы аҟәақҳәа ианыр-ҟьааит,
исызҵомызт. Авоенкомат сынрышьҭалан мчыбжьык ашьҭахь
шәара шәахьцаз амҩа сықәын саргьы. Аиеи, алымт баа
лхьыкәкәа дсызԥшны дгылоуп лара. Сылахь ааимсырџьахәт,
сгәы нкыдҳа ицеит. «Шәгәашә аԥхьа раԥхьатәи амшьамба зкәыршоу ақьала ҳара ҳтәоуп, акәытқәа уманы убра
унеи, сузыԥшуп», – лҳәан, днасыдҟьан аԥсса дкәаруа, лцәа
ажәжәаҳәа дахо лҿыналхеит. Еибашьрамзи, асапын аба
ҟагәышьаз…
Акәытгьы баргьы аасгәахәт… Схьагәгәа ҳгәашә сааҭа
леит. «Ҳзыргәырӷьаша иаҳзааугазеи?» – лҳәан, лыла ҭыр
хаха днасыхәаԥшит сан. Изакәи сҳәеит сара. «Уаб акгьы
ааимышьҭӡеи?». Ашкол ахь санцоз уанаауа аԥошьҭаҟны уны
дҵаала ҳәа салымҳәахьаҵәҟьази. Уи ацыган ԥҳәыс илдырып, саб ашәҟәы ааишьҭу иааимышьҭу. Саб дысхазрышҭыз
ацыган ԥҳәыс. Шәҟәы-быӷьшәы ҳәа аԥошьҭаҟны акгьы ыҟам
сҳәеит. «Ухәы ампахьшьы акәыршаны адулаԥ иҭагылоуп,
ишыԥхоу акрыф, сыҷкәын. Еи, деибгоугьы анцәа идырааит, арсҟаамҭа зхабар ыҟам…», – даақәыԥсычҳаит сан.
«Бымшәан абааԥсы, анцәа акы иҳәахьеит, ишыдыдуа ақәа
ауам», – рлаԥықәшәақәа абзиа рҳәон, рыгәқәа еибарӷәӷәон
еидтәалаз.
Акрыфароу? аҿаҵа сҭахым… Акрысфазшәа ҟаҵаны «Ҭе
мыр» аашьҭыхны ашәшьыра сныҵатәеит. Сан лҩызцәеи лареи аҭаҭын аҷҷаҳәа иахьыдрыԥхуа, сырҽхәаԥхьыӡ аҳәара
иаҿуп, шаҟа аурокқәа сыҽрыдысцало егьи уҳәа.
Папасқьыр и-«Ҭемыр» саҿуп уажәы. Аха избо абни аџь ду
аҵаҟа адәҳәыԥш ауп.
Аума сақәшәеит уажәы. Аҽнышьыбжьон акәты рҟыжуа,
абгахәыҷы ианымҵанарсуа еиԥш, излазгари. Хәлар акәтыр
шәыра ианҭалалак ԥсыхәак зуп, ацгәы еиқәаҵәа зыбжьысша
ларгьы саргьы. Изакәызеи саазықәшәаз.
Ашәҟәы кны ашәшьыраҟны срыдтәалоуп. Дара аҷҷаҳәа
аҭаҭын дрыԥхуеит, Сара аффаҳәа «Ҭемыр» саԥхьоит, ус са
ра сымсааит. Жьрацәарас иҳамоу зегьы ирымаҿоуп мцрак
алаҵаны ишысымҳәо, искыз ашәҟәы иаҳәоз ҳәа иауеи
даракәац акы аасзеилкаауамызт. Аҭӡамц ампыл адууааны ишцоз акәын ажәақәа, аҳәоуқәа схы ианԥаны, ӡыбнаҟа
ишцоз. Изакәызеи, алаҳәа зысхагьежьуаз, измаанозеи?
Абри сзықәшәаз аӡәы иааиаҳаны, итутуха ингәарланы, сан
ллымҳа иааҭасыр аҵкьыс бжьра-быжьҵәа сыҵазар сара сзы
џьанаҭрами.
Сиоуп ашәшьыраҿы, «саԥхьоит». Агаҿантә аԥша ҟәандаӡа
иҩеиуеит, ҳазҵатәоу амжәаҵла ду ианалшәшәалак, ахәыц
ирфахьоу, икыҷы-мыҷны иаҿоу амжәабӷьқәа авыр-вырҳәа
еикәагьежьуа рҿылархоит, ана инкашәоит. Аҭаҭын аӡа афҩы…
хыхь ажәҩан каууа… Анаалашьцалак сынҭыҵуашәа ҟаҵаны
акәтыршәыра снадгыланы… Аҷараҳәа ҳгәашә абжьы геит.
Аԥошьҭа аазар ҳҳәан, зегьы уахь ҳнаԥшит. Аԥошьҭамҩангаҩ
иакәындаз сшәыкәыхшаны анышә схәыҵамлоз, аха иааг.
– Уцыган ԥҳәыс лакәымзааит…
– Лхаҭаҵәҟьа! Амала лымацара лакәӡам, лҩызаки лареи рыҵкқәа еизышәшәо рлымҳарыҩқәа гьалгьало агәашә
иааҭалан, ишьқьырны ҳахь иааиуан, алымтбаа рхьыхәхәа,
рхқәа акәкәыҳәа ирылхо. «Абарҭ абаҳалаҳаи, иабаҟоу
рҳәо инҵәааит», – лҳәеит сан. Иарбанзаалак ԥхашьара ры
ла ихым. Аҟабақ жәла рҩаны аҷҷаҳәа ифо, ацәа рҿыппо
иааҳ хагылеит. Ачалт иаҵахаз аҳәынҵәраԥшь агәы хәыҷы
шԥеисри… сабацари, сабахәыҵалари…
– Ари быҷкәын иоуми? – лҳәан, сан лхы налықәылкит,
лнацәа са сахь инарханы, ани сара «стәы». Уа хҩык тәан сан
шлакәызгьы иалылдыраахи, аха умбои.
– Ааи, нан, изхыбҳәааи?! – маҷк даашәаны дҩалҿаԥ
шит сан.
– Абри быҷкәын аԥаса ана агәашә аҟны сибан (уу, абар
акаамеҭ, илҳәашоу), х-кәтыки ашылеи бысҭоит ҳәа симаны нахьхьи абна… (ашьа лҿашәааит, иааҟалаз зегьы ахьӡи
ажәлеи нҭыҵҟьааны илҳәеит).
– Ааи, саргьы сшаҳаҭуп, – лҳәеит лҩыҵра быӷбыӷуа илыцааизгьы. Шьҭа уҭахызаргьы уҽшьы.
– Оу, Алықьса рыцҳа, уаазықәшәазеи, – гәыкала даа
рыцҳаршьеит Шьмаҭи Шьрыни.
– Ихашәҵоу уара, сара аминуҭ сызҭагылаз закәу? Аџь
нышҵәҟьа иакәзаргьы џьаҳаным еиӷьашьаны дылҭапҟа дца
рын, ари дақәшәазҭгьы. Сгылан, сыҩны абна снылаҩры сцап,
сдунеихаангьы аҩныҟа сҿы сырҳәрым ҳәа иақәыскын, сшьа
мхқәа ҟәарҟәаруа мап ркит. Сыбз акәзар, избац абаҟоу, зын
ӡаск илакьҭаӡом. Сызлак аффаҳәа алацәҟәысра иалагеит.
Уажә сан лыблақәа сызлархыԥшылари. Сышәҟәы искыз
ласымҟәыҵшәан, инкаҳаит. Лыбз нҭакны иааҿахырҵәааит…
Сҩыҵыгәгәап ҳәа маҷк сҽанҩышьҭысх:
– Нан, усымаӡамкәа уаасымсхааит, арҭ ирҳәо закәы
зеи?! – сан лҭаҭын гәыр ала илрыԥхуаз наҟ инкажьны даас
ҿаԥшит, абыржәы дыҳәҳәап уҳәаратәы лыӡӷқәа наҟ-ааҟ
иааҭлырпҵааит. Лҩызцәагьы аҭаҭын рыԥхра иаҟәыҵны, ир
ҳәара рҿамшәо, ишанханы исыхәаԥшуеит.
– Амц рҳәоит, амц, ихабымҵан!!! – сыҳәҳәеит сара сыбз
хәыҷык ианааунажь.
– Ҳацәгьа бымҳәозар, баргьы арбаӷьк бысҭоит ҳәа сеи
ҳәеит – лҳәеит ани лҩыза абзиахәшәа иҟоу.
Ашьшьыҳәа сҩагылан, сӡагә-ӡагәуа аҩны ааҵра снавалеит, абна снылаҩры сцарц. Лара лыбжьы саҳауан «сықәгыланы
сыҳәҳәаны, бгәылацәа зегьы еизганы, иҟалаз шыҟалаз
расҳәоу, акәытқәа кны иҳабҭоу!» – ҳәа. «Бымшәакәа быҳәҳәа,
иаҭахызар саргьы сбыцыҳәҳәоит», – лгәы лырӷәӷәон лҩыза.
Сан рыцҳа лҩызцәа лыцырхырааны акәытқәа ананыра
иҩналцалт, аџьықәреи рымҵалыԥсеит. Нас еицхырааны,
ирҟыжуа рыкра иалагеит. «Усымаӡамкәа уаасымсхааит,
нан», – акәытқәа рҟыж бжьы иалҩны сан лыбжьы саҳауан.
Нас дааҳәын: «Амц рҳәоит дара аблаҭшәақәа, амц рҳәоит,
Маџь ус абжьысқәа иҟоу дреиуаӡам», – лҳәеит. «Ааи џьыбшьҭ
ус ауми», рҳәон лҩызцәагьы. Арахь акәытқәа рҟыжуа рыкра
иаҿыхуп.
Уи ашьҭахь урҭ даҽа хымш иаауан ҳаҩны. «Ҳақәгыланы
ҳаҳәҳәоу афатә-ажәтә ҳабҭо?» анырҳәалак «шьшь» ҳәа
лқьышә лнапы аԥыракны идлырбон сан рыцҳа, ирҭахыз
рылҭон. Иҟалҵарызеи, амхшатә сылхымшааи!
Аԥшьымш рзы ашьыжь Кәыџ иашҭа адәы иаҵәа аҳауа
цқьа шьқьыруа иқәын. Атабор ахьтәақәаз хәышҭаарақәак
аҳаскьын цәеиқәара иалубаауан, ана-ара аҽуацқәа убон
ауп, дара нықәыбӷьыжәаа ицахьан. Ианаауазгьы уаҩы имбеит – ианцозгьы ус.
Ауаҩы изшоу ихшыҩ хәыҷы инапаҟны изаамго, импы
ҵышәҭрааны иандәықәла, хра-ҿҟьароуп дзызцо, уаҳа џьар
гьы. Еснагь аӷәра рхханы иаҿакны иукызароуп.
Сҩызцәа шәахьыҟаз Аԥсадгьыл ахьчара саргьы саҳәаны
сцеит. Ҩажәамш раҟара ааҵуаны схы акалашәа избо сала
геит… Егьа аџьабаа сыдырбалазаргьы сырхәышәтәит агоспиталь аҟны. Ушхаҵо унхоит, амала ухылҵ-ԥылҵ атәы
аҳәара уадаҩуп, рҳәеит. Ус егьыҟалеит. Шәаргьы абри уа
ха исышәмырҳәар жәымуит даҽаӡә даага, ԥҳәыск лзын
уҵәҩаншьап умырӡын ҳәа сышәкит, сара стәы сара издыруан, аха шәара ижәуам акәымзар.
Аибашьра ашьҭахьгьы даҽа ԥыҭрак сынхеит сара уахь.
Саныгьежь зыхшара рыбла аҭаԥшра иахьымӡакәа гәыр
ҩацәгьала зымҩа иқәлахьаз дырҩызахахьан сан рыцҳа. Саб
изшьапык нижьгәышьазаргьы дгьежьгәышьеит.
Сара ишыжәбо, аҵла бажә еиԥш сҵәҩаншьап ыҟамкәа
сынхеит, ԥҳәыскгьы лыгәнаҳа сықәысҵеит. Ихыжә-хыжәӡа
ранацәа ршьамхы иқәтәаны, ахырҵәы рҿатата аиҵарҟәаҟәа
зфо ахәыҷқәа дыхрааҵраауа дрыхәаԥшуеит. Уҵәҩаншьап
сырӡит соужь наҟ, аҳәсақәа нымҵәеит, даҽаӡәы дубап
лҳәоит. Иалылдыраагәышьеи рыцҳа, аҵәҩаншьап арӡра са
ра ишысхароу.
Хәылԥазыла ахацәа кара-уараха аусураҟынтәи ианы
гьежьлак, рхәыҷқәа рҽынаргәыдрыԥсалоит, аҽынтәи рааԥ
сарақәеи ргәамҵрақәеи аӡымшын еиԥш инархҟьа ицоит.
Иааргәыдҳәҳәаланы рахәмарра иналагоит. Сара урҭ сна
рыхәаԥшуеит… Аԥсҭазаара аган савашьшь сышҩызӡа сцоит.
Ҳаӷоу аҵла абажә еиԥш дымҿиаӡо дынхааит.
Схаҵа аибашьра дҭахеит, ахшара сзынижьын, урҭ ныҟә
гатәуп ҳәа исалҳәаз акәыҵәҟьаз џьысшьеит, усҟан амин
сҳәеит. Ацыган аибашьара дцеит захьӡыхи. Аха сара уи
сазхәыцуа егьиуа, уи схы иауҭахыз, амца ҭалартәы иҭа
гьежьуа иҭаз хазын. Зкалҭ иақәиҭымкәа икарыжьуа аҳәса
дреиуазаарын, «слааӡеит» ус анцәа диааӡалааит!..
Алықьса абра даақәыԥсычҳан, ҿыц аҭаҭын аацәыргара
иҽыназикит. Али-ԥси рыбжьара аҳаиуантә цәанырра иза
цәымцаз илахьынҵахаз иазхәыцуа, еиқәшьшьы иаатәеит
Шьрыни Шьмаҭи.
– Аԥсҭазааражә…
Шьҭа ишарккоит, шәымбои, аҵарақәа ирҳәо, акаҭа аҳар
сып. «Ҵәит», аҳәеит рлакәымҳа ӷраҷкәын иқәтәаз рҟыршы.
Инықәҵәиаа-аақәҵәиааит. Аблақәа ҭаӡуп, ҿыцха ауп иахьы
ԥшуа, уаҳа акгьы абаӡом, аха ишшаз адырт.
Шьыжьхьак инарцҳатәуп. Адааидыху ажәҩақәа, ашьап
қәа уҳәа намыкәкәааны, иаацәырҳәны инамҵаркит. Асах
ҭан хҭарԥа нарнааит арҵу ахь, нас атазҳәа инацрасит
иаарымпыҵкәкәааны, азшьапык накәыршаны алаба нықәна
ҵан ац налакшо «жьыхәҭа-жьыхәҭала» еимыкәкәаауа афара
иналагеит.
Амрагыларахь иҵыблаауан, аҵарақәа еилалон. Ҵи, ҵи, ҵи,
ҵи, ҳәа аӷш-маӷра аҽаларшәаҟьаны амаахыр ҵыс аҽашьуа
иалагеит, ҷырт-ҟырт аҳәеит аҟры, аеҵәарагь инылапҟеит.
– Сс, асаара шәыҽкашәыжь! Абыржәыҵәҟьа хьшьык аха
бар аабоит, – иҳәан, Алықьса аҵыс аанкыланы длеиҳәҭ
ҟәыҟәлеит. Ашш кылҵәарсҭа дкылаԥшны аџь бнара ахы
дықәԥшуа, дҳаҵ-ҳаҵо, анаԥш-ааԥшра даҿын. Ус нахьхьи
агаҿала ишәарыцо хьшьык ҩкылҵәраан атрышә ҳәа ахьаца
аскьынџь инықәххит. Аҵыхәа ааршәшәан, аҽааиқәнаԥсеит.
Алықьса аҟыршы днамҵысны ирҟаҵы-мыҵуа иафоз адаа
идыхә намжәаны инкаршәны, днышьамхнышгылан, акаҭа
аԥхьа илаба наирҳәы-ааирҳәит, аҵыс ааԥырԥырит. Атыҟҳәа
ахьшь ахы ланарҟәит, акәапаҳәагьы асқьынџь иналашәан,
аџьқәа рықәцә ирықәҳәҳәоз акаҭа агәҭа иазыриаша аҿаа
нахеит. Ажәҩақәа зынӡа иаҟьаӡомызт, аҽеикәаԥса, ажә
ҩахырқәа ргыланы иааиуан.
Аҵарақәа ссы-ссы рымшын, ашьхарҟәҭқәа ҟәыр-ҟәыр ҳәа
еилан. Иара алақәа амцаԥшь рхыланы акаҭа абар-абар иазааиуан, ус «шыжә» арган акаҭа иҩахҟьан аҵыс иҩазыҭрысит.
Алықьса ашырҳәа акаҭлаба арыстәи идәықәиҵеит, аха
иахамԥакәан ахьшь аҵыс аахԥааны иаманы иҩхалеит. «Ааит,
абаак, ахьшь акаҭаҟны иааин ҳҵыс аманы ишԥацо!» Убри
аамҭазы Алықьса даақәҵәиаан, Шьмаҭ днаихасын акамам
змаз ихылԥа ааихкәыцәааны, ахьшь иагәыдиҵеит. Ахьшь
ахылԥа ԥраауа иашьҭошәа анаба, ирҳан, аҟыршы аужьны
ҵәҩанҵәыҟа ажәҩан иналашәкәа ицеит. Уи ацашьа зеиԥшраз
ала, ааигәа ҵыск иашьҭамлар ҟалап. Иоунажьыз аҵыс еи
лахәахәа арахәыц ԥҵәа ацраҳәаны, ԥшьаала асаараҟа
илеит. Ана-ара ашьа алжжуан аларқача ахьызшәа иҵысҵысуан. Аӡы ацынхәрас рҿыҵа аӡы рхы иадырхәеит. Иара
ац хәыҷқәа еихыхуа ишааиуаз амацара, аԥсы ҭалагәышьеит.
Иԥҵәаз арахәыц ааиԥшьны, ҩаԥхьа рлакәымҳа ҷыӷра еи
ҭанықәдыртәахт. Ишшаӡа акаҭа агәҭа ишазааиуаз иаарызнаузеи аҵаа анцәа иазишааит уи ахьшь. Аха сишь, абар,
иахьааиуа, анцәа дақәныҳәааит, акгьы инацҳаитеи. Мал
дук агәараҳәа инарымҵаҳазшәа ргәы иабеит рҟыршы аԥсы
ахьырзынхаз. Мамзар иузҭода уажәы уи ауаара, зегь гәаҟха
хьшьыкра итәоуп, нанҳәа аҽны иукуа ахьшь халаӡом ҳәа.
Ҿыц аҟыршы кны уи абжьара – мчыбжьык…
Абар ҩбаҟа рҵу афеит, инаҳәы-ааҳәуа иқәтәоуп, акрызфаз
акгьы ахьӡом. Нанҳәа мра ԥшьаала ахалара иаҿуп шәахәа
барақьаҭла адунеи ыргәыбзыӷуа. Иахак амза зыхәлаԥхоз амшын еишьыл ду уажәы амра хыҷҷалауан ацәқәырԥа ссақәа
ахәлаччон.
Итәоуп, итәоуп, ажәҩан ҵиаҵәаара ишаҵаԥшуаз рыбла
қәа хыгагааит, ҵыс мҩаск рылаԥш иҵамшәакәа ииасшьа
амаӡам. Акәыбры лахьыцәгьақәаҵәҟьагьы нахьхьи анаӡара
ҿы хьышьны иаацәырҵуашәа убоит, уҵыс уназыҭрысуеит,
аха нас цқьа иҭырҳәыцааны уанкылаԥшлак ауп ишкәыбру
анудыруа. Шәынҵәара иарамшк акәхааит. Иаҭахымкәа адунеи шаҟа ықәузеи, акәыбрыгьы абаҳҭаху. Амышьҭа цәгьаӡа
уи акаҭа иамысӡакәа ицаз ахьшь аџьыкаҵәаҵәа анцәа иазишааит. Амра есааира ихалоит, аҵх иалнаҳәаз аӡаӡа арԥса
ҳәоит, аҭакар газгоит, амшын арҟәандашьышьуеит.
Лахьхьи, аҳацаҟьақәа рыҵаҟа, аҳаԥ хәыҷқәа рҟны абырлаш мыдаӷьцәақәа, ашыцламшәа еиҵәареи аԥслымӡ гәӡареи
рыџьанаҭ аҟынтә инхоз аԥсыӡқәа ҭынч иҳәалмышьуа инеи
выс-ааивысуеит. Ргәы ҭынчуп уажәы. Асасцәа шсасцәаз рхы
дырны досу иахьрықәнагахашаз анхара иалагеит. Шәы
да аҳ анцәа доумҭан шәыџьанаҭ ҭыԥ хәыҷы аҟны, шьҭа
шәеиқәгәырӷьо шәынхала-шәынҵла, шәраҳаҭны шәыцәала,
амала ацәа шәаламхалааит…
Абан хьшьык ажәҩан илаланы, атыртырҳәа ажәҩақәа
мҩанҵо иахьцо. Дара акыр ихароуп. Зчыҟә акы нҭазыџ
гәахьоу ауп ус ихаланы имҩасуа, мамзар… мамзар иҳәы
ҳәрыхьшьымзааит ари. Иҟанаҵо аабап. Аҵыс хагалаӡаны
ирхәмаруеит Алықьса (ахьшькра еицтәоу аӡәы ахьшь икаан
ӡа аҵыс иара ирхәмарлоит) егьырҭ шьхныԥсыланы ишь
ҭахь рҽаварԥс ажәҩан ахь иԥшуеит. Ҳәыҳәрыхьшьзар ҟа
лап. Иҭалар, хымԥада, ҳәыҳәрыхьшьзар ҟалап. Урҭ роуп
жәҩангәыла ишәарыцо. Ах, иҭаландаз ажәҩа аҟьара иа
ҟәыҵны. Ишшаӡа, иаагазҽазит, ҩынтәҟа ашьшьыҳәа иааха
гьежьит, ҿыцха ишыԥшуаз. Нас… аҽааикәанарҳәын, ашьа
пқәа лҭҳәаны аҿыланахеит. Хагәҵәы акәӡам, шьапыла
ауп ишҭалаз, ус анакәха… Жәҩангәыла ишәарыцо, шьапы
ла иҭало ҳәыҳәрыхьшьуп. Урҭ рыжәлоуп ус иныҟәо, зегь
жәлала иҟоуп, аҽыҩгьы жәлала иҩуеит. Алықьса ақьала
ашш иҽаварԥсӡаны аҵыс хагалаӡаны ирхәмаруеит, ахьшь
хызаҵәшәа алеира иаҿуп. Хымԥада иҳәыҳәрыхьшьуп иара.
Аҵарақәа «ҵссы-ҵссы», – ҳәа иааилалеит.
Нанҳәа аҽны ахьшь узкыр, ихалаӡом…
АСАБША ААИХЫНДАЗ…
Ҩызаки сареи ҿыц ҳаибадырт. Шәмааҭк раҵкыс шәҩык
аҩызцәа рымҳәеи, аҩызцәа рырҳара бзиа избоит саргьы.
Хәылбыҽхак сусқәа санаарылга, сҩыза ҿыц Мамсыр дызбап
сҳәан, игәарԥ сынҭалеит. Иԥшәмаԥҳәыс Наала длыцхраауан, акьыр рҿатата рыҩнқәа ршәуан, ныҳәак ааигәомашь
аасгәахәт сара.
Изҿқәаз иаарҟәаҵын, рыҽрыцқьаны, рнапқәа ыргьежьуа саагәыдыркылеит. Мамсыри сареи аӷада-мадаҳәа ҳаи
цәажәо, рышәшьыраҟны аишәа ҳшахатәаз, иааины иаақә
гылоит ҳаԥсы-ҳаԥсынҵры.
Изакәу шәзымдырӡои? Заманалаҵәҟьа ижәдыруеит. Ауатка, аблақәа гызмалӡа. Шәыр-қәыркгьы навагылт. Хпыҿкхпыҿк лҭаҳарпҟоит. Шәырк ҳҿы инҭаҳҟаҟеит. Ҩба-ҩба ау
ҳажьит… Нас акәҷышь еиҿымхӡакәа, ажәҩақәа хахаӡа,
аҵәынҵәлаӷь аҩыҵракны, аџьыкҵәаҵәеи асыӡбалҿеи еи-
лашьыхааны иақәҭәаны, иҟаԥшьшьӡа иӡны, аҵәы иахазза,
ҳаԥхьа иаақәтәеит. Иақәԥсоу ахәысхәеи аџьыкҵәаҵәеи
рыфҩы џьанаҭ ахуҳәа унҭаргалап.
Абысҭа еиларҵәиуа, икәаԥӡа ианҵаны, ашәха рҩа ҟәа
ҟәаса иаларшьшь, аҩы ацыԥхь хаддыла… Анаџьалбеит,
сыԥсы маҷханы срыламҳандаз…
Ҳтәоуп ашәшьыраҟны. Ҳаԥсаҭа кыдаҳҵоит. Сызхықәааз
жәаҵәыцак ыжәны, схәап-жапуа аҩныҟа сааит. Бзиа сыш
ныҟәыргаз аҩны иҟоу ианласҳәа, абаак саргьы сумгоз
лҳәеит. Даҽазны санцо бызгоит.
Сабшан. Ахәылбыҽха ус ҳамамкәа ҳанаанха. Аҩны иҟои
сареи ҳкашәкаҷо ҳҽеилаҳәаны ҳнеит Мамсыр иҟны. Ргәарԥ
ҿыц адауар акәдыршон. Наала адауар илыркуан, иара дасны аҿаҩ-аҿаҩ ҳәа аҵәымаӷ алаирҟацон. Изҿыз иаҟәыҵит.
Ԥыҭраамҭак дысҿаԥшуа дгылан, нас аԥсшәа ҳаиҳәеит. Ҳтәоуп
ашәшьыраҟны. Ҳбысҭақәа ашә ргәылашәа иҟоуп. Ауатка
ыҟаӡам. Жәаҵәыцак зжәит. Аригьы лқьаф ҟалҵеит. Ҳажә аҿ
ша аризшәа, акыр-кыр ҳаччо аҩныҟа ҳааит сыԥшәмеи сареи.
Иара санхәагьы дзаҳамгари даҽазны ҳанцо? Санхәеи
дареи еибадырп, шә-мааҭк раҵкысгьы шәҩык аҩызцәа
рымҳәои, аха илымуит санхәа. Аҵыхәтәан ҳаныҟаз ауатка
цәырымҵӡеит анысҳәа ацара мап ацәылкит, уи уаткамзар
акы налҿакәом.
Амҽыша ахәылбыҽха сыԥшәмеи сареи ҳқьышәқәа ачча
рықәыхх Мамсыр игәарԥ ҳанҭалеит. Аиашаз, дыгәхьаа

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12
- Büleklär
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3393Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3522Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3475Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3457Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3437Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3521Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3501Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3518Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3407Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3443Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3495Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3465Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3521Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3510Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3590Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3553Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3538Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3418Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.