LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09
Süzlärneñ gomumi sanı 3501
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2411
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
– Уи ахәшәтәҩы иадрес саҳәа, қыжәк изызгоит, сыԥҳәыс
мызкы дымцәажәо дҟаиҵозар, – иҳәеит иҩыза.
– Сара камбашьк изызгон, зынӡак дымцәажәо дҟаиҵозар,
– иҳәеит сҩызакгьы, ари ахҭыс аниасҳәа.
АФЕРМА ЏЬМА ШԤАХААУ
– Уа мшыбзиа, Ладикәа! – сҳәан, аколнхара ахантәаҩы
икабинет сныҩналеит. Дыҩсхаҵгылан снапы аасымихит.
Аҟәардә даахан инацәа нақәкны исирбеит стәарацы. Стәеит.
Сиҿаԥшуеит – дысҿаԥшуеит.
– Агазеҭ азы аматериал сҭахуп, шәусқәа шцо еилыскаарц сааит, – сҳәеит. Дызлазыразыз ала ихы ааирмаџьаҟәт,
қьаадқәак аацәырганы саԥхьа иаақәиҵеит. – Ҵыԥхи сынтәеи
шәусқәа иреиӷьуи? – сҵааит. Ақьаадқәа исиҭаз инацәа на
рықәикит, уа иануп уахәаԥш ҳәа акәхап. Нас ақьаадқәа
саарҟәаҵын, сиҿаԥшуа салагеит. Иаргьы иқьаадқәа даар
ҟәаҵын, дысҿаԥшуа далагеит. Иҟалеи, зҿумҭуеи, сара
сҟны усырцәажәахьеитеи ҳәа акәын сара сшиҿаԥшуаз.
Сцәажәахьеит, аха уаҳа сурцәажәозар уаб уиԥоуп ҳәа акәын
иҿаԥшылара иаҳәоз.
Ус т-р-р-а ҳәа ителефон абжьы геит. Атрубка аақәихт.
«Ладикәа уҟоума?» – атрубка абжьы ҭыҩуеит. Ладикәа ихы
ааирмаџьаҟәт сыҟоуп ҳәа аанарго. Ателефон иасуаз анс
иҳәеит, арс иҳәеит, аха Ладикәа дыԥсыр акәын ажәак ани
ҳәашаз, нас атрубка нықәиҵеит.
Сара напыла, шьапыла сиацәажәо салагеит абригадақәа
ирусушьаз сеиҳәарц. Зегь рзы инацәхыԥ ду сирбон. Уи иаанагоз ибзианы аусқәа цоит ҳәоуп.
Уаҳа ажәак ансзиҿымхӡа, сҩагылан адәахьы сцеит. Бригадирк даасықәшәан Ладикәа иҟны днасышьҭит сара сҟны
дзымцәажәо зызҳәоу сзеиликаарц.
Уи иҟны аҿымҭра еиӷьуп, мамзар иаауҿыҵшәо зегь агазеҭ
ианиҵоит. Зны ус даан, иусқәа данрылга ашьҭахь, дсасымзи,
џьмак изаҳшьит, ихәы ҟаҳҵеит. Аишәаҿы, алҩаҵә ахылзз,
еиқәыԥсылаха ажьыхәҭа иикыз аџьыкҵәаҵәа инахьҳәаны
идәықәиҵоз дахәаԥшуа, абри акәац агьама шԥабзиоу ҳәа
арҽхәара даҟәымҵӡеит. Амыждаразы, аферма џьмақәа
убас ихаауп ҳәа иаасҿыҵшәеит. Ашьҭахь «Аферма џьма
шԥахаау» ҳәа хыс инаҭаны, кәыкәу ҳәа агазеҭ санҵаны ауаа
сыҩрылеиҵеит. Аҷык-аҷык аасыгхеит уи азы акомиссиа иааз
смаҵура самырхырц. Аферма абшьтәа рыцҳа акәмызҭгьы…
смаҵура слымҳа саркьада избараҳа…
Уажәы «Аферма абшьтәа рыцҳа акәмызҭгьы» ҳәа хыс
иаҭаны агазеҭ данысҵап ҳәа сгәы иҭоуп, нас дахьцо зымбари…
ШӘАРА ШӘЫЗУСҬЦӘАДА?
ԥыҭҩык аҿар ахьеидгылаз ҭаҳмадак днарыдгылеит.
Иҭаххеит урҭ зусҭцәоу еиликаарц. Шәызҷкәынцәада ҳәа
дразҵаауа иҿынеихеит.
– Сара Хакәыцә-иԥа Џьон соуп.
– Сара Маҳҭ-иԥа Роберт соуп.
– Сара Шьмаф-иԥа Ваниа соуп.
– Сара Чқмыжә-иԥа Анатоли соуп.
– Сара Ламшьаҵә-иԥҳа Жаннета соуп.
– Сара Қәабзач-иԥҳа Маринетта соуп.
Шәықәра шәахьӡааит, дад, шәабацәа аԥсуаа-гәышьа
заарын…
АХЬТӘЫ ШӘИШӘИ
Ааигәа ныҳәак ҳаԥылон. Иҳалшаз ала аишәа ҳархиеит.
Аишәа агәҭаҵәҟьа иҟаԥшьӡа иӡны иқәгылан ашәишәи еиҿым
хӡакәа, ипазанаха. Иавагылоуп аҳәаса сыӡбал, абрҷман каканла ичаԥаны, абысҭа таруа ианҵаны.
Ас афатә бзианы ианыҟоу аӡә дуқәшәаргьы уҭаххоит,
ҳаӷоу имацара дчааит. Ус, аныҳәа бзиала иазнеиша ҳәа
агәарԥ дааҭалеит ԥанда. Ҳлеин ҳлатәеит. Ахпыҿқәа (уажә
афырџьанқәа модаӡам) анҳалс аҩы напаҳаркит. Акәац
ааԥҽҽуа (акәац ԥҽны акәӡагәышьам ишырфо – еимыжә
жәоуп, аха ари иҵааршәу кәацуп) ҳнаха-нахеит. Ԥанда
акәац игәамԥхагәышьазаап – еи, анцәа, иара саргьы ас
иҟоу саҿгәҳәааӡом, аха… ашәишәи ахь дыԥшуа далагеит,
аишәагьы днықәԥш-аақәԥшит аҳәызба збозар ҳәа. Уаҵәы
иубап аҳәызба, ахагара сзаама уа иқәсҵартә.
Ԥанда иган инапы нахьишьын иаҳәызба ааҭихит. Дҩы
ҵыззан сшәишәи днахагылеит, амаха лҿиҳәарц акәхап. Саргьы сҩыҵыззан иаҳәызбеи инапи еидгәаланы иааныскылеит. Даасҿаԥшуеит, саргьы сиҿаԥшуеит. Нас ҳаилибакааит,
дымгәаартә ԥшьшьала исҳәеит ашәишәи аҭоурых. Уи зҭиуаз
лареи сареи шьыбжьаанӡа ҳшеиҿыхоз, лара ҩынҩажәа
лҳәон, сара – ҩажәижәохә, ашьҭахь ҩажәи жәибжь рҟны
ишьақәҳаргылеит. Уажә иара даханы, амаха амҳәаны ифарц
игәы иҭоуп.
Мамоу, дад, ари ашәишәи еиҿымхӡакәа уа иқәгылазааит,
аишәа арԥшӡоит!
АҞӘЫДИ АБЫСҬЕИ
Ааԥсҭа аиҩхаа, жәлар рымҩаду аԥхьа, ҿыц иаадыртит
акрыфарҭа «Аԥацха».
Шьыри шәнеины акрышәфандаз уа. Сара ҩынтәҟа стәа
хьеит, сҩызцәақәак срыцны.
Араҟа аԥсуа милаҭ ҳчеиџьыка ауп иҟоу. Аԥсуа ԥацха,
еилырфаҷа хәажәла ишшны, уныҩналоит. Уа амаҵ зуа «бзиала шәаабеит!» – ҳәа иҿаԥха-ҿаччо, игәырӷьаҵәа иуԥылоит,
удыртәоит. Аԥсуа мца, ақыдқәа еиҿажьуп, абысҭа хаббала
иуны икнаҳауп. Хыхь, алҩа алшәшәо иахакнаҳауп акәац
еиҿыҟьҟьа, ицыцашха, уи иҩахыкны абыцаҟь-шшы иқәжьуп
ашәха былгьа дуқәа ҟаԥшь-ҟаԥшьӡа ирҩаны. Аԥацха акәакь
аҟны аҳаԥшьа дуқәа ҩы еиқәаҵәала итҟәацуа ирҭәны иҵоуп.
Еиҳа ашоура анбааԥсу иара хьшәашәоуп, уаханы ижәла,
уҽаҭала, инҵәап ҳәа ушәоу. Ажьаӷь уатка – уигьы нҵәара
ақәӡам, аӡыхь еиԥш иаауеит.
Шьыбжьышьҭахьык, сҩызцәақәак срыцны, акы ҳнацҳарц
ҳнатәеит. Али-аԥси рыбжьара ҳаԥхьа аишәа иаақәдыргылеит
ахәыл ҟаԥшьшьӡа ирҵәны, аҟәыд апырпыл алҟьо, ажьаӷь уатка. Хпыҿк-хпыҿк лҭаҳарпҟоны еиԥш, иааины иаақәгылеит
аирыӡ азна аҩы хьшәашәаӡа, ажьҵаа ашша алхәаҭо ҵәыла
иӡны, ашәха рҩа ҟәаҟәаса, акаҵахәыр сыӡбал.
Сара уамашәа избо, уи аҽны сымгәа злаԥымжәаз ауп.
Убас акрысфеит, акрызжәит, егьсзыҳалалхеит.
Сара ианакәзаалакь крыфаншьҭахь сшьапы неиҵысхыр
бзиа избоит. Сындәылҵит саалеиҩеирц. Санааи сҩызцәагьы
гылахьан, иаҳфаз-иаажәыз рыхәгьы ршәахьан, «Ҟоҳ», са
исымшәози егьи сҳәеит, аха ирушаз рухьан. Уи даарак
ихьаазымгеит, ауаҩы дызқәымшәо егьыҟам… иҟасҵари, нас.
Ажәакала, схәап-жапуа аҩныҟа сааит.
Аҩны иҟоу есымша, исымҳәац џьышьа, иласҳәон уи акры
фарҭа «Аԥацха» ҳәа идыргылаз еиӷьу шыҟам, знык уа дганы
крылҿасҵарц сгәы ишҭоу. Самырҭалны, ҳабацәа, рабацәа рыфашьоуп араҟа иҟоу. Урҭ ас акрырфон азоуп акрынҵырагьы
зрымаз. Аиаша сҳәап, абас есымша акрысфозҭгьы сықәра
шәышықәса ракәым, ҩышә-хышә рҟынӡагьы аҵәаҟьа ишҭа
сыршәуаз. Уи иазаауеи.
Сҿаҭахьа насыгӡеит. Дызгеит аҩн иҟоу уи акрыфарҭахь.
Рнапқәа џаџаӡа «бзиала шәаабеит!» – иаҳԥыланы аԥацха
ҳаҩнаргалеит.
– Иббома рынамыс зеиԥшроу, – ҳәа сгәырӷьаҵәа сыԥшәма
сналҿаԥшит. Иуҭаху ажьахәҭа ухала иамх рҳәан, ҳәызба дук
аасдыркит. Амца сахагьежьаауа акәац еиҿыҟьҟьа икнаҳаз
аварахьшәа слахан, иҳазхашаз аҟара лҿысцҟьааит. Ҳҟәыд,
ҳбысҭа, ҳсыӡбал, ҳкәац, аирыӡ азна аҩы – аиԥш қьафура
збахьадаз. Аҳ еиԥш акрыфаны ҳаагылеит.
Ҳхәы ҳазҭаз дҿаԥха-ҿаччо дааҳадгылеит.
– Шаҟа уҭахузеи? – иатәамбацәакәа, сыхәмааҭк еилаз
ҿыцҳ ҳараӡа иҩҭызгеит, иаҭахызаргьы ацәынха симҭааит. Ус
ҵәҟьагьы скаҷбеиӡам сара. Ауаҷар иԥыраҳәа еиԥш, импахьшьы иаԥхьа иамаз ала инапқәа аарыцқьо даасыдгылеит.
Жәахаҟа мааҭи раӡынқәаки роуп, уамак ыҟам, – иҳәан,
маҷкгьы исыцу лахь дааԥышәырччашәа иуит. Сыхәмааҭк
ласымпыҵшәан икашәеит. Ашьхымӡаҭра еиԥш, сҿы гәаҩаӡа
иахьыҩеихыҵыз асаԥыџь ҭагылазшәа ашҭҳара иқәҟьан уа
иаанхеит. Сылақәа ҭыгьежьааӡа еиҿаԥшуан, иаргьы дыс
ҿаԥшуан. Нас сыԥшәма сналыхәаԥшит. Лхы-лҿы еилыӷ
рааӡа иҟалахьан, лылақәа кылцан дсыхәаԥшуан. Ара акгьы
сызуаҳәом, аха аҩны ҳнеир алақмар ҳаибарҳәап ҳәа акәын
уи лыԥшра иаанагоз.
Хышә шықәса ракәым, хымшгьы сызнеиуамызт, есымша
ара акрысфалозар.
Аха уеизгьы саангылараны сыҟаӡам, снеины акрысфалоит, амала аҩызцәа срыцны ауп сышнеило, ани раԥхьа сышнеиз еиԥш, ус еиҳа еиӷьуп.
Аҩны иҟоу лакәзаргьы, аҵәы нкаршәны ҭоуба луит дсыцны уаҳа џьаргьы дшымцо ала. Уи сара дарак исԥырхагаӡам
ҳәа ауп ишыздыруа, аҩны дтәазааит.
ИШАР АКЫ ҲНАЦҲАП
Сгәыла Иаснаҭи сареи аҩы ҳахықәааит, аҭаҭын ахара
ҳаҟәыҵит. Акрыфарагьы шәаҟәыҵма ҳәа ҳазҳәазгьы ыҟоуп,
аха макьана акрыфара ҳаҟәымҵӡацт. Сара аҭаҭынҭирҭа
амагазинқәа срызгәаан ауп аҭаҭын сзаҟәыҵыз. Урҭ аҭаҭын
уаҩы ишизеицәоу рдыруеит, арахь иқәҵаны ирҭиуеит
ахашәалахә ҳауеит ҳәа. Ахашәалахәы роуп шьҭа, – егьаас
хәом, сагьахом, уа итәазааит.
Иаснаҭ аҭаҭын ахара даҟәызхыз иԥшәмаԥҳәыс абзиахә
лоуп. Уи аҭаҭын афҩы лаҳар дқәырқәашьуа далагоит, нас
дырҳаны дыҩуеит. Аҭаҭын уахонаҵы уааигәара сзааигәы
шьом ҳәа агәылара дцаны дио даналага, аҭаҭын каимыжьыр
дабацоз! Агәылацәа рзы дауааигах иԥҳәыс!
Уажәраанӡа аҭаҭын зџьыба иҭазымҵаӡоз, аҭаҭын ҳарха
ҳәа иҳәаркьиуа иҳашьҭаз рыбӷа ашшара ааԥҵәеит. Ҭаҭынк
џьара ирԥыхьашәар ҳаԥхьа иааины, иаҳҿагыланы абырқьҳәа
алҩа иаханы ргәахьы ирышьҭуеит, «ҟоҳ, ишԥабзиоу абааԥс,
акызаҵәык шәахи, изеиԥшроу шәымбари» рҳәоит. Ҳара
ҳҿаҵырпыҟҟо, ҳаԥсалымткуа наҟ ҳнарԥырҵуеит.
Абарҭ рцасазгьы ҳахом. Саб иԥсаныс.
Аҩы ажәра ҳзаҟәыҵызгьы мзызс иамоу абарҭ роуп:
аиаша ауми иаҳҳәара, шәара шәшыҟоу ҳаздыруам аха,
Иаснаҭи сареи арыжәтә цәгьала бзиа иаабоит. Ҳхы аҵкьыс
еиӷьаҳшьоит. Ашьақар уаткеи. Амҵырбӷьы уаткеи, ашьақар
ҩи даарак пату ҳазрықәмызт, аха анцәа иишаз аҩы цқьа
ҳԥыхьашәар, ҳамгәақәа аҷҷы рыхга, аԥжәарахьы рхы андырхалакь «ҳнорма» ҟалеит ҳәа агылара ҳалагон, ма ҳаргылара
иалагон.
Зқьаф ыҟоу ауаҩы акы иамхаҳәоит, акы инарҟаҵоит. Аха,
ҳарҭ ус ҳҟанаҵомызт, ҳцәа илалашьшь ицон. Амала, нас
зыԥсы ҭоу акы имҳәакәа ак имукәа. Иаҳҳәап, Иаснаҭ ижәны
аҩны даннеилакь иԥҳәыс даалысны дикуан, абыржәыҵәҟьа
ҟабақк ахьыҟазаалакь иԥшааны иӡны исҿаҵа ҳәа. Ус иҿыҵа
иаҭаххон. Аҟабақ лзыԥшаар бзиан, илзымԥшаар Иаснаҭ
аԥҳал дашьҭалон. Аԥҳал ԥшааны, азна аӡы ҟаҵаны иԥҳәыс
лхы иҭасырԥоит ҳәа далагон, аха иауамызт, иԥҳәыс лхы
дуун, аԥҳал ахы ҭшәан. Нас ӡык нылхьиршон ауп, аԥҳал
ԥиҽуамызт. Ус ихәмаршьан.
Сара ижәны санааилакь, «аҩны иҟоу» амҩаду аҟны бцаны бтәа, аӡәыр диасуаны ббозар аҩныҟа дсзаага, ҵәыцақәак
дсыркыр сҭахуп ҳәа ласҳәон. Ус уаҩы имҳәои? Ачеиџьыказ
зегь ҳаԥсы ҭыхны иаҳкыми? Аха лара илуӡомызт. Урҭ рырххара акәым, уара усзырххагәышьом лҳәон. Нас сгәаауан, аха
џьоукы-џьоукы реиԥш икыдысҵаӡомызт (лашьцәа ирҳәоз
сыздыруамызт). Иаасԥыхьашәо ҩба-хԥа чанахи ҵәыцеи
ԥҽны сыҩхәыҵаланы снаион. Шьжьымҭанӡа схәаԥӡа сыцәан,
уаҩы сиԥырхагамызт.
Ашьыжь саныҩагылалакь аԥаҭхь азна аҩы ахырхырҳәа
аҿыласырхон. Иршны иҟоу аҭыџь аӡы ақәуҭәар абжьы шԥаго,
убас ҽыффыҳәа аҩы сымгәа иахьҭаҭәо абжьы саҳауан. Нас
арҵәҭра сахагьежьаауа сылҭалон. Хәылк шеибгоу усгьы
атрышә иасырсуан. Аҩны иҟоу усгьы хымш-ԥшьымш уаҳа
дсацәажәаӡомызт, ҭынчран.
Ари зегь иазаауеи, уажә Иаснаҭи сареи арыжәтәи аҭаҭыни
ҳархықәааны ҳаҟоуп. Хпыҿк ауаткеи хәаҵәцак аҩи еишәак
аҟны иаҳжәуеит. Аха уи зызхода. Иаҳҳәап, ҩымш арыжәтә
агьама ҳамбацкәа ҳаҟазар, еизакны урҭ ибжьаҳажьыз ҳжәыр
азин ҳамоуп. Усгьы ҟаҳҵалоит.
Ҳахықәааижьҭеи мчыбжьык аҟара ҵуеит. Иацы хпыҿки
хәаҵәцак аҩи лҭарпҟаны, Иаснаҭ дшыҟоу збоит ҳәа агәы
ларахь сҿынасхеит. Амҩан сышнеиуаз ажраҟны дпатматуа,
ани аҩнқәа ҟаҵо ҳқыҭа ирылаз Иван дҭаиоуп. Ихылԥеи
ипалтеи ишәыхны хазы ишьҭоуп, иара аӡы дылаиоуп, ашоура дакызаап рыцҳа. Ҳгәылацәа рла Дамшә ашыҩ-шыҩҳәа
абз иҿнашьуеит, ихагьежьаауа имаҵ ауеит, иаргьы дыҟрымҿрымуа «ты моиа лиубов» ҳәа акы даҿуп. Дамшә азы иҳәоу,
ма аӡә дигәаланаршәоу аллаҳ идырп.
Ипалтеи ихылԥеи ихы инаҵаҵаны, сахьцоз Иаснаҭ иахь
сцеит. Иаснаҭ, уаџьаҟкгьы усҟак алҩа ҭыҵуамызт, уи аҭаҭын
алҩа шихыббуаз еиԥш.
– Иҟоуҵеи уара, аҭаҭын ахара уалагама?
– Салагеит, усҭ иара уаргьы уаха, аҭаҭын аӡәры ҳцәа
гахьоума, зегь ахоит, – асигарет аасиркит. Уа аиаша иҳәеит.
Иаҳцәагахьада аҭаҭын?
Нас сара Иван ала дарбзо ишихагылаз атәы иасҳәеит. –
Макьана ҳарҭ аҩыџьа Иван иеиԥш ала ҳар бзо уаҩы ҳимбацт,
нас иамаҳки, аҩыжәра ҳзаҟәыҵри, – сгәы иаанагеит сара.
Иаснаҭ дсықәшаҳаҭхеит.
Ауха уи иԥҳәыс аҟабақ лымамызт азы аԥҳал ала ӡык
нылхьиршеит. Сара ҩбаҟа-хԥаҟа чанахи ҵәыцеи рҭыԥ
«инықәҵаны» схәаԥӡа снаиеит. Шар хәылк снацҳап, аӷәра
ақәыршәны ҵәыцақәак дәықәсҵап, шьҭа усгьы ҳалагеит.
АЧАРА КӘАЦ
Ачара кәац агьама зымбац акәац зыхьӡу издыруам. Шәныхак рҟны сноугаргьы сықәуеит уи акәац еиӷьу ыҟам ҳәа.
Иаҳа иԥсылоу ҳәа уалаԥшны, акәац шшаԥасалаха иаахәаны
иаага, ижәы, уҭахызаргьы иӡы, иуҭаху азу, аха ачара акәаци
иареи абеидукыло – хәыки-шьхаки рыбжьоуп.
Ачараҿ акәац зҭаржәуа, шамахамзар, қәаб дууп. Арахә
шьны, еиҿыҟьҟьа, иԥхаҵәы-ԥхаҵәуа ишыҟоу, илага ил
ҭарыжьуеит. Агәы, агәаҵәа, авашас-хы аԥсылара, аҷаҷа,
арԥҳақәа, аԥылгыд дуқәа рбаҩлаша уҳәа зегьы еилажәуеит.
Ижәымбахьеи атәанҵәҟьа ихыло зеиԥшроу? Убарҭ зегьы еибархаауазар акәхап, афҩыҵәҟьа шԥаҟоу, инкыдырҵааит!
Сара, верск ачара ахьыруа савсны сцозар, убри ачара
кәац афҩы скуеит. Дыдрыԥшь ныха иамаҿоуп, ачара кәац
иаԥызго акгьы шыҟам!
Ачарақәа лассы-ласс исарҳәалоит, сахьнеиуа ахаршә
сшәоит азы. Сцалоит, ачара кәац сфоит. Ҳаӷоу иҭаацәа
аҟәыд иадыртәаланы, иара ачара кәац ифааит. Уи намыс
дароуп. Аҩныҟа санаауа (лашьцоуп усҟан), ԥылгыдык ма
жәҩашәаҟьак, зҳәаз иеиԥш, еилых ҟамҵакәа, қьаадк аакәыр
шаны сыкәа инҭаҵашәа аҩныҟа ирзаазгоит. Аҩны иҟоу
ахәыҷқәеи урҭ рани, аҷыҷмаса реиԥш, иасны иркуеит, алакә
уа иҟоуп. Еимҵкәыцә ирфоит. Гьамала ҳаиԥшуп даргьы саргьы. Нас, ачара кәац арҭ ирзааумгар, игәнаҳами?! Аиашаз,
игәнаҳаҵәҟьоуп!
Ауаа рчарақәа рзы сцәа схысххьеит, срыдынҵәалахьеит,
ачара зуа ахьгәырӷьо саргьы срыцгәырӷьоит. Иақәскит уа
жәы саргьы сгәырӷьарц, ауаагьы сыргәырӷьарц.
Сыҩны аӷәтәы мардуан еилабааӡа иамаз ламҳәаны илкажьны, аԥара ааԥсахны, абетонтә мардуан замана еихҳәаеиҵҳәа илаганы иласҭеит. Шьҭа иныҳәатәын. Сқыҭа-уаа
срыԥхьеит, акраазгашаз аҩызцәа, ақәлацәа, ауа, аҭынха агсмыжьит.
Ауха арахә ҳҟәаҟәеит. Акәац, абысҭа, зегь мазеин. Ус,
асасцәа ааит. «Ахаршә» ршәеит, атәарахьы еихан, итәеит…
Ашьаԥа ду аҿы абысҭа алҩаҵә ахылзз ианҵаны иқәуп,
аџьыкахыш, аџьыкҵәаҵәа, аҩы, ауатка. Аха абжаҩык кәац
ҽыҭк раԥхьа иқәым! Асасцәа еилараа итәоуп.
– Уара, арҭ зыхҟьеи, акәац зрышәымҭои, шәыззыԥшуи? –
аӷьеҩ ҩаихсыргеит акәац иахылаԥшыз аиҳабык.
– Ираҳҭо акәац абаҟоу, ԥымаҵәыкгьы нымхеит, кәац
дагьы уаҩ акрифахьеит, ус инацҳааит, – иҳәеит акәац иахы
лаԥшыз.
– Ыы, изгазеи акәац, иҳақәлада?!
– Тәымуаҩ дҳақәымлаӡеит, ҳа ҳтәқәа роуп. Уашьҭан ҳаи
ламхарц азы ԥыҭҩык ҳартәан, ирфаз рфеит, егьи иԥхьаркыз
акәац рҭаацәа рзы аҩныҟа иганы иаауеит, ачара кәац хаауптәа, – иҳәеит уи ашәикка.
Мап, мап, асҵәҟьа намысдароуп. Уажә ҿыц арахә исшьуа
абаазгои сара?…
АҨСҬАА
Аҩсҭаа дааин, убри еиԥш иҟоу амаҵура даҳәеит, саб иԥ
саныс, уи аҩыза амаҵура ыҟоуп ҳәа ахаан ишысмаҳацыз.
Сымӷьычкәа аус зурц шәҭахызар, хар змам маҵурак сышәҭ,
суалафахәы абас 250-300 мааҭ рҟынӡа инеиртә, насгьы
сыштәоу суалафахәы аҩны исзааргозароуп, иҳәеит.
– Ас еиԥш иҟоу амаҵура ҳара иҳаздыруам, уҭахызар да
ҽа маҵурак уаҳҭап, аус уы, – ҳҳәеит.
– Исышәҭ азауад аҟны адиреқторра, шықәсык аҟара ишә
зызбоит, нас уи азауад ижәбар ишәзымдыруа иҟасҵап, –
иҳәеит.
Иаҳҭеит уи амаҵура. Ииашаҵәҟьаны, уи азауад аабар
иаҳзымдыруа иҟаиҵеит: капеик амал амамкәа, «ирыцқьеит».
Наҟ дамаҳҳәеит. Ишимуаз «авиговоргьы» аҟәақҳәа иҩеи
наҳҟьеит. Днаганы афабрикаҟны диреқторс даҳҭеит. Уа
шықәсыкгьы изнамгеит, ихала арзаҳал иҩит смаҵура самшәх
ҳәа. Дамаҳхит. Афабрика зыҩназ ахыбра ахаҭа изымҭиит
акәымзар, аҩнымаҭәоума, даҽакоума, иҟаз ак нымхеит, зегь
наҟ дрыгәҭасны иҭиит, ақтқәа еиқәҷаб инықәиҵеит. Даҽа
«виговорк» ҷаԥшьӡа инеиҳаркит.
Ари дгәаҳәызар изхара ифагәышьааит ҳҳәан, аресторан еиҳабыс даҳҭеит ашьҭахьы, аха мызкгьы изнамгеит.
Аус зциуаз дылкажьны деиҵырхит, зегь имацара ифоит,
ҳара акгьы ҳҿеиҵаӡом ҳәа. Асуд илага илариҭан, уажәгьы
рус рххо ирыманы иқәуп, дрыпҟаҵәҟьоу дрымпҟаҵәҟьоу
цқьа еилыркаауеит. Иара даалаган, аресторан малс иамаз,
иахӡыз, уаҩ иааихәартә иҟаз зегьы иҭиит, ақтқәа еиқәҷаб
иҩит, дагьықәҵит. Даҽа «виговоркгьы» ҟәазӡа иаҳҭеит, игә
гьы иалсгәышьеит аха. Даҽазны абас аиакәым ҟаиҵар, ҳаан
гылараны ҳаҟаӡам, еиҭа иаҳҭоит «авиговор». Ихы анизымдыр, иҟаҳҵари!
Аха уажәшьҭа, абни аԥхьа дзыҳәаз амаҵура ҳазиҭар, уаҳа
еилагара ҟаиҵарымызт, «виговордагьы» дынхагәышьон.
ИҬАБУП САХЬОУРЫЖЬЫЗ
Зегь зыхҟьаз, ацхь иагаша, ацгәы еиқәаҵәа ауп. Ахәаша
ахәылбыҽха ақыҭахь сабраа рахь сцон. Асабшеи амҽышеи
сҽынеиҵыхны ҭынч, шәырк-қәырк, маҷарк цаҳә-цаҳәо,
зҳәаз иеиԥш, сызхара сфарц, изжәырц. Ԥшьшьала, смашьы
нала ҳақалақь сахьналсҵәҟьаз, сымҩа еихнаҵәарц цгәажә
еиқәаҵәа дук аҵыхәа-баба ашьҭарҽыла икәырӡаны аҿы
нанахеит. Аҳыҳ, шьҭа ҽеи шыҟамлоз здырит. Гәаҟрас иамои,
иаасзыԥшыр, нас имиасри, аха иауоу, аԥсы амхарацәамхеи!
Аилашәшәымҭаз акәын азы аблақәа смашьына аблақәа
реиҳа идырлашон. Ацгәажә мышьҭацәгьа саԥхьа ииасыжьуазма, излацоз ала смашьына аԥсҟы сырҵәиит.
Уи акәхеит, ацгәажә аҟыжбжьи амилициа ишәыршәыр
бжьи еицгеит. С-«Волга» атормоз сшьапы нақәсырӷәӷәан,
акаҭран цәырҵәаны, иааныскылеит.
Амилиционер дыбӷаӷо даасыдгылан, инапы ҩышьҭыхны
салам сиҭеит. Саргьы ашацаҳәа «сааҽыжәҵын», схы асаара ишьҭасуоу сҳәо аҟынӡа слаиеихырхәеит. Сыжәҩа нҭарс
иааникылеит. Аҽыҩҳәа аӷьфыҩгьы ҩасҿаст. Шьыри, хкаарачанымзи, саргьы ақыҭаҟны сызҩеигәышьар, ахә мшәа, аԥса
мшәа, ҵәыцақәак лҭасырпҟон. Сыжәҩа кны сырқәаџқәаџуа
зыжәҩашәаҟьа ылаԥҵәаны еихо ажра ахықә ахь иҳәазоз
ацгәажә снахаиргылеит.
– Ари иазууз убоо?!
– Избоит, ааи, аха сара исха…
– Уаангыл зны! Уара иухарамкәа, нас сара соума изхароу?
Абас акәын ушныҟәоз ауаҩы дааиуазаргьы, аԥҟара еилоугеит, уус закәанла ҳахәаԥшыроуп, усԥас! – сырқәасқәасуа
амашьынахь сима иҿынеихеит.
– Аԥҟара еилазгаз иароуп, ацгәажә ауп – сара усс исымеи?
– Арирахь усыватәа, амилициаҟны еилҳаргап.
Напы мыӡәӡәада исымкуаз смашьына ҿыц ицәа азна
ыжәны аԥсҟы иҽнадижьылт.
Уажә ҳгьежьны амилициахь ҳцароуп. Уа уаха иаабода,
аиҳабацәа ықәҵхьазар акәхап. Ақыҭагьы аасгәаласыршәеит.
Аџьықәреи ҽҳәарҵәиуа, иҟаԥшьӡа иӡны, акакан ԥыххаа, ауатка, нас «анцәа» иҵаԥшны кәҷышь ҿак сзыршьыргьы, аҩҿа,
уаҵәы, уаҵәашьҭахь аԥсшьарамшқәа сыԥсаҭа кыдсым
ҵои. Афаха-ажәха змауз ацгәажәи амилиционери абаас
ҿаҳауаз…
Ахаан машьынак ус иҵҟьо исымбацт уи смашьына шы
ҵирҟьоз, иуасымҳәеи, шьабсҭаҵас иԥеит, иԥа. Асқәа алоуп
ҳәа сыҟаӡамызт. Ихаирҵәир ахьыҟамлоз ажыҩҳәа иаақәыр
ҵәиааны, аххымшақә амилициахь ҳҿынаҳхеит.
Ҳцашьа сгәамԥхазт аспидометр снахәаԥшит. 100-130140 километр акатаҳәа астрелка иацҵо инеиуеит. 200-300
анызҭгьы уахьгьы инеиуазар акәхарын, аха анцәа илԥха
аиуратә ақалақь агәҭаҵәҟьа камбашь еихиаа дук иклышьмалышьуа иаауан. Ҳмашьына алашара ирԥсит, иаиркит,
ирҳәҳәеит, ирҟааит, аха акамбашь, агәаҵәаҟынӡа изымнеит.
– Атормоз уақәыӷәӷәа, атормоз…
– Усԥырхагамхан…
– Атормоз аркы, уара, ари акамбашь ақалақь аҟны аны
ҟәашьа аԥҟарақәа аздырӡом, – сҳәатәы хеиҵоу, ма акамбашь шҳаиуанхаз еиликаау сеидроу, ҳмашьына аныҟәашәа
ирмаҷит.
Уажәы избошәа збоит акамбашь алымҳақәа ҩардаџӡа,
иџыџӡа амҩа агәҭа иангыланы, ҳнеишьа уамашәа ибаны
ишҳахәаԥшуаз. Нас имч зегь еизыркәкәаны атормоз да
қәыӷәӷәеит. Ажәакала, хынтәҟа ҳаибарбылгьеит акамбашьгьы ҳаргьы. Капеи кылҵәакгьы амыхьт акамбашь. Иҩагылан
иқрамҽаны ихьаԥш-кәаԥшуа ицеит.
Ҳмашьына аԥхьа иамаз асаркьа ԥсыҽны иҟаҵазаап, смилиционергьы саргьы хыла ҳанас иккаӡа иааимаҳхит. Ҳҩы
џьагьы аҟәада ҳҿашы наҟ ҳанкылсны ҳнеиҿаԥшит.
Хымш сҭакын. Нас уала-ҭахыла, сҭынхацәа ашьҭалан соурыжьит.
Ашьҭахь сызхаҭакызгьы еилыскааит: аҩы ыжәны акамбашь сахьасыз акәзаап.
Иҭабуп сахьоурыжьыз. Соурмыжьыр иҟасҵараны иҟази?!
СЫМҨАНЫЗАҨ
Адәыӷба сҭаны, џьара сцон. Ауха шаанӡа гараҵас сар
ҵысуан, саргьы сҭаҳәахаа сыцәан. Иккаӡа анааша сҩагылан,
сзазауа снеин сҿы ӡык нақәҭәаны сааит. Аҩны иҟоу исылҭаз
ахәырџьан хәыҷы сынҭаԥшын, расақәак, ҵәақәак, нас аҵыс
ахы хнаҵәо баҭлыкак алаҳа уатка ҭагылоуп. «Скаруаҭ» ааилсырган, снаскьан аԥенџьыр снадтәалеит, уа игҿачаԥаз
аишәахьча схәы нықәсҵеит.
Ҳаӷоу имала акрифааит, аиҳарак арыжәтә аныҟоу. Аха ара
адәыӷбаҟны издыруада, сыздыруада. Сҿаԥхьа аҭӡамцахь ихы
нарҳәны ашшы ихга аӡәы дыцәан. Снеигәҭасын даасырԥшит.
Сгәы иҭаз иасҳәеит, саԥхьа иқәгылақәаз илаԥш арччеит. Дҩагылан иҿы ӡәӡәаны дааин, ибз иқьышә иаақәшьуа
даасыдтәалт. Импыҵагәа иикыз импахьшьы аишәахьча
инықәшьшәа, уа инықәиҵан имышьхәылҵ нықәикит.
Ҩ-чеиҵәыцак сԥшаан рыбжа-рыбжа, алаӷырӡ еиԥш иц
қьаӡа илҭасҭәеит. Инеидкшаланы илҭаҳарпҟеит, ӡыкгьы
нашьҭаҳҵеит, араса ҳнацҳаит. Акыраамҭа илахь еимарццы
икын.
– Фҩы ҷыда амам, аҽакым, шаҟа иуатка бзиоузи! – араса
иҿы инҭаԥиххааит.
– Сыԥшәмаԥҳәыс лнапы иҵылхуа абас ауп ишыҟоу, –
саалафт.
Даҽа акака ҩба-ҩба ҳҳәо, сбаҭлыка ааҭаҳарцәит.
Ахаан еибамбацыз ауаа аӷаџаҳәа ҳаицәажәо, ҳаибагә
ӡыргьы цәгьа иҳамбо ҳааидхалеит. Ахыжәлаз ҳахьрыцҳаз
акәхап, акыргьы иааҳалсит.
– Уара арыжәтә бзиа избо уреиуамкәа уҟам, ууатка
умӷыҵраҵаны амҩа уқәуп, шаҟа иџьбароузеи, иара акы иагааит. Арыжәтә уаҩы изеицәоуп. Лассы-ласс уаҩы ижәуа
далагар, дҩыжәыҩханы, акгьы даԥсамкәан дааумпыҵахар
ҟалоит. Уи схы иҭысҳәаауам, сара сыԥшәмаԥҳәыс дыхә
шәтәҩуп, уи лоуп изҳәо. Арыжәтә мҩаныфоуп ҳәа џьоукыџьоукы аҳәсақәа рхацәа рзы ишыҟарҵо еиԥш, ахаан иҟа
лымҵацт. Ауаҩы изеиӷьу афатә бзиа ауп ҳәа илыԥхьаӡоит.
Умбои мҩаныфас сара исылҭаз, иҟаԥшьӡа иӡны иааҭигеит.
Сыбз сқьышә иаақәсшьит. Инарҳәы-аарҳәны исирбан, уахь
инҭеиҵеит!! Сылақәа ацԥхь ааҵыддааит.
Ичамадан нихчниҵан, ашақә дасуа дыцәеит. Сара лассы
адәыӷба сҭыҵуан. Сҽааидыскылан, ихы ҩышьҭыхны ичама-
дан икәтӡы ааҭыганы, газеҭк акәыршаны иаасҩыҵраскит.
Ичамадан шыҟаз иныҟасҵеит.
Снеигәҭасын, снаскьоугароуп ҳәа даасырԥшит. Ашә
аҟнынӡа снеигеит, уаҳа сабеигарыз, адәыӷба дәықәлон.
Сгәыдикылт, сигәӡит, саргьы – убас (Сыкәты сымпыҵы-ҩр
хьан…).
Адәыӷба аҿынанахеит, саргьы сылкаԥан икәты аасҩыҵр
хны сыҩнапык рыла наҟ-ааҟ иаанкыланы, амаха аԥсылара
схаԥыцқәа лаласыршьшьит. Зны дшанханы дсыхәаԥшуан,
нас ирдыдит, дԥаҟь-чаҟьит, аха адәыӷба есааира иарласуан,
дызмыԥеит, изнымкылеит.
Аиашазы, иԥшәмаԥҳәыс – ахәшәтәҩы илҳәаз иашоуп,
ацыфа бзиа уаҩы иԥырхагаӡам, ибзиангьы ишԥалӡи лара,
анцәа дынирҵәааит.
АТЕЛЕФОН
Ателефон ҳамоуп ҳара, иҳабрагәузеи шьҭа. Иахьаҳҭаху
акрыҟазар, алымҳа ааҳарҵәиуеит – аҷҷаҳәа иҳацәажәоит,
уи азы есымза ҩ-мааҭки бжаки ҳхы иакәхшаны инраҳҭоит,
убри ҳаҿуп, аха зны…
Иаҳҳәап ҳамццакӡакәа. Уахык асааҭ 13 ирхысхьеит,
сасцәақәак сҭан, сҽаҭаны изжәын, сҭаҳәахаа сшыцәаз к-рр-р-ҳәа иааҟәымҵӡакәа стелефон абжьы сгәы иқәыҩуа
иалагеит. Изулак сеиха-еигәо сҩагылан, атрубка слымҳа
инадызгәалеит.
– Камшьышь иуада аума ари? – дҵаауан аӡәы.
– Мамоу, ари ауада макьана сара соуп изтәу.
– Уара уарбану?
– Сара – сара соуп, – сзусҭаз иасҳәеит.
– Утелефон аномер арбан?
– Стелефон арбан умбои, узысыз ауп, уаҳа иарбан, –
иасҳәеит стелефон аномергьы. «Саҭамзааит» иҳәан, атрубка нықәиҵеит. Саргьы банкак аҟара ажьырӡы лдәықәҵаны,
«уаҭамзааит» ҳәа сеиҭанхәыҵалеит. Ашақә сасуа, сынҭана
галон еиԥш дырҩегьых аҵәҵәа иасит ателефон. Зны сымгылап, агәы ԥҵәар иаҟәыҵп сҳәан, сҽышьҭасырԥсит, аха
амзаатә азааны иаҿын. Снеит.
– Камшьышь уоума?
– Камшьышь илахь уоуааит, дыз-Камшьышьда уаха
иуҿыҵахаз, уарбан уара?
– Саҭамзааит, дырҩегьых уара уахь снанагама? Сара
исыргьежьуа аномер хазуп, нас абарҭ ателефонқәа афы
рысны изыҟалеи?
– Урҭ афы зрысыз сара исыздыруам, аха уаха сумырцәеит,
«цәыблаҟы» улкааит! – атрубка лықәсыжьт.
Ахынтә раан саниргылоз асааҭ хԥа ҟалахьан.
– Сеиҭананагаху уахь? Саҭамзааит ацәа уалсхзар, ари аҵх
имшаӡо макьана узхара уцәап. Аҵыхәтәан ҳанеицәажәоз
«цәыблаҟы» улкааит ҳәа иуҳәаз ажәа уахак сазхәыцт, сеи
ҭазхәыцт, аха исзеилымкааит, иуцәуадаҩымзар убри аҵакы
соуҳәар сҭахын, «цәыблаҟы» ҳәа сызкраны иҟада, сызхылкаауазеи? Егьарааны исоумҳәаргьы ушсмырцәо удыруазааит.
Ҳтелефон иацраҳәоу ашашәа лҿызжәан сиарҭа сынцәы
ҵалеит. Сшимырцәо збашт шьҭа. Лыԥхала исызшар стелефон аномер сыԥсахуеит.
НАНҲӘАЗ ИУКУА АХЬШЬ ХАЛАӠОМ
(Ахьшькцәа ражәабжьқәа)
Ааи, ажәытәқәа ус рҳәон, ус иҟазаргьы ҟалап. Уи аҽны
иуԥыхьашәаз ахьшь, абжьааԥнытәиқәа иреиԥшхом. Иаҳа
уаҩы ицныҟәоит, умыруадаҩцәакәа иҟасахоит, насгьы иха
лаӡом ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ҳцоит зегь еицырдыруа Ахьтәыҟәара ааигәара иҟоу Амбара ҳәа изышьҭоу ахьшькырҭахь…
Амза хыгьежьаа ду леиуа, илеиуа илаҟәӡаны, аџьтә
бнаршәыра еизак ду ахь иқәгылоума уҳәаратәы ианлеи, маҷк
уа ибаӷьаӡа аҽааннакылан, иацрыддуаз араӡны шәахәақәа,
аҳәиҵәҳәа, аџьра еиқәара иԥсаҟьаны иланаԥсон, даара
агәамч ӷәӷәан амза. Уи злоудыруаз аеҵәақәа зегьы ԥсыданы,
иҭаа-ҭааӡа ажәҩан иахьаҵаԥсаз ала акәын. Абна еилачыра, аџьра еиужьра, лбаа Ахьтәы-ҟәара аԥслымӡ гәӡара зегьы еилаџьуџьууа ихьыраӡынхон. Иабаанагеи абрысҟатәи
аџьра абра, ӡәыр иеиҭеиҳама, ирхыҵуазеи дара урҭ аџьқәа?
Аԥсабара иланаҵоит аџьрыцқәа, ииуеит, аха нас икатышәатуа, ишшәырӡа ианҩеиуа, шамахамзар, уаҩы ибаӡом, урҭ
ауаҩы илаԥш иҵамшәаӡакәа ауп ишрызҳауа. Нас иџыхӡа,
ибаҟаха ианыҟалалак, уахәаԥшла шаҟа уҭаху. Улаԥш, иара
азыҳәа ахы хәыцкгьы алнаршәараны иҟаӡам. Аџьбыӷьқәа
ҭырхха ихырҷаны, аҽеиланаҳәоит, нас аџьрыцқәа ҿатата
инҿалоит. Амала ижәдыруазароуп аџьбыӷьқәа зегьы шеи
ԥшым. Урҭ цқьа икылкааны ирыхәаԥштәуп. Зыбӷьқәа мҽыӷны
иҭырҿҿоу, амыҟәмындырқәа змоу, урҭ «ахацәа» роуп.
Збыӷьқәа иаарыкәыршаны, ирссаны иҭырххоу, бырфынҵас
ирԥшқаӡаны ихырҷоу – «аҭыԥҳацәа». Аџьқәа – «ахацәа»
рымахә-чымахәқәа акыр ишәпа-шәпаӡа, еилаӷьаны иҩеи
уеит, акыргьы рҽыҳараркуеит. Аџьқәа – «аҭыԥҳацәа» урҭ
ирыҵагылоуп, ԥша ҟәандак анаслак, аибархәыҭхәыҭра иалагоит. Дара зегьы рыжәҩақәа еилыршьны, еигәыдибаҳәҳәала
еилагылоуп. Ашәы-шықәсақәа рхыргоит цҭәада-гәарашәада,
рыхшара еиҵарааӡоит иӷәӷәаҟацаӡа.
Абнаршәыра еилачыра – аџьра еиқәара, шаҟа иссирузеи.
Зегьы аџьрыц рҿассы ирҿоуп. Аха сишь, абан еихык-еиҵыкны
еиҵагылоу ҩ-џьык џьрыцла иахьынхаз! Иҟалазеишь?! Рҩыз
цәа неибеиԥшны, рыхшареи дареи еиҵаҩҩы, арҭ? Аби
ԥарада?
Аԥсҭазааражә, аԥсҭазааражә… Анцәа дышԥалахәмар
уеи! Аӡә зегьы ииҭоит, егьи – акгьы. Иҿиауам ҩ-ҵлак, иӡуеит
рҵәҩаншьап. Аҵәҩаншьап – аԥсҭазаара мырӡга, зегьы изыр
қәашьымзеи.
Аџь – аџь ахылҿиаауеит, ауаҩы – ауаҩы дихылҵуеит.
Аха раԥхьаӡа ауаҩы амаамын ауп дзыхшаз рҳәоит. Амаамын усҟан ауаҩы дахшазар, уажә дзахымшаауеи? Зегьы здыруа роуп ҳзызҵаауа. Амаамынқәа еибга-еизҩыда
адәы иқәуп, арахь ауаҩы дрыхшаӡом! Раԥхьа адунеи иқә
нагалеи, акәтаӷь акәу, акәты акәу? Убри рдырзар егьыгьы
рдырп. Раԥхьа акәтаӷь ауп ицәырҵыз. Уи абаанага? Акәты
иахылҵит. Ус анакәха акәты ауп раԥхьа адунеи иқәнагала?
Ааи. Акәты абаанагеи? Акәтаӷь иахылҵит… Убри иаҩызоуп.
Иаҳзымдыруа ҳалацәажәарым.
Абар уажәы амза леины араҵла иахагылоуп, ҩаскьаӡа
еҵәаџьаа еилацәҟәысуа иахаԥхоит. Иара абнара иахшаз
ҿрыхьшьқәак ԥшыруа аџьра иҩылҟьаны, иблаҟьа-бласуа
акәыбрқәа инарымҵас-аарымҵасуеит. «Шәырр», «шәырр»,
– ҵрр дыргоит нанҳәамзатәи арҵуқәа, арашәыгақәа. Аџьра
«ахацәеи» «аҳәсеи» еиҵагылоуп, еидыхәыҭхәыҭлоит, ԥшак
анаарылашәшәалогьы еидыгәбзыӷлоит.
Армарахь хшьыраны, Аҳа-ҿаша ҳәа изышьҭоу асыпра
ҿыцәааны амшын ахь илашьҭуп. Ицырцыруа, ибарақьаҭха
иҭажьу амшын ҟьантаз ду иааԥса-икараха, аарла аԥсы ҭоуп
уҳәаратәы, хрыжь-хрыжь, хьырч-мырч аҳәоит. Уи зҿықәсуаз,
ацәқәырԥа ссақәа зраӡоз аԥслымӡ гәӡараҟны зназы шәахкаҭаны иаақәхон, нас инықәбон. Ари агаҿа иаваршә иҩзӡа
иқәжьу аԥслымӡра иалаԥсоу, еиуеиԥшым аԥшшәы змоу
амыдаӷьцәақәа амза ашәахәақәа анрылаҷҷо, хьыраӡнушәа
еилаарцыруан. Ҽынла акәзар, амра ацԥхьқәа ари агаҿа
аԥслымӡра ишнықәԥсалакь, ассир ара иҟалон. Аџьуа, алмас, ахьы, араӡны, абырлаш зоурахкы уҭаху аԥшшәы змоу
ахазынахәқәа ара ицәырҵуан. Иара ус аԥслымӡра шыра
уҽнылажьны уҩнапык рыла иааугәыдҳәҳәаланы унылаиеи… ахьи араӡни лаганы аԥслымӡ илаԥсоуп – уаҳа акы
узахҳәаауам. Дара амыдаӷьцәа ссақәа роуп алакә иалашоу. Акамыршша-ҭрақәа реиԥш ихәшлаԥсаны, еикәарҳәыеикәарҳәы иԥсаҟьаны аԥслымӡра илаԥсоу. Абри азакәхап
Ахьтәы-ҟәара захьыӡхазгьы.
Ҩахьхьи, Аҳа-ҿаша ахыкәапеира аҟныҵәҟьа, ажәҵыс
аҭра шачаԥо еиԥш, ҭырасла ижәагәаны ахьшькырҭа ақьала
ажәҩан иадубалон. Мамсыр ихьшькырҭа – Амбара ҳәа
иашьҭоуп ара. Уажәы абри аԥслымӡ агаҿаҟынтә ари Аҳа-ҿа
ша унагәыдԥшыло, жыц-мыцлеи, ҭыраслеи икәыршоу акыӡӷ
ра иҵәи-ҵәиуа иагәылгоу амҩахәасҭала ахалара иаҿуп хҩык
ахьшькцәа. Амза шеи-шеи рхалашоит, дара рыбӷақәа ырхәа
ны, иҩеиуеит. Нас иааҭгыланы аҩада рхы шхо атрышә иасуеит. «Е-е-и ан-цәа иоуп», – рҳәоит, дырҩегьых рҿыҩархоит.
Иудыруеи иҭацәны ирԥыхьашәаргьы, нас разҟ дук зауз
реиԥш рхы рымԥхьаӡои. Ахьшькырҭақәа мачхәума, иахьабалакгьы иҟоуп, аха ирзууеи, алақәа зегьы шәарыцалақәам.
Уҭахызар мыз наҟьак утәаз уштәоу, акгьы уԥыхьамшәаӡакәа
ахьшькра аамҭа ииасыргьы ауеит. Ара? Ара ус иҟам. Мамсыр
рыцҳа идыруан ахьшькырҭа ахьыҟаҵатәыз. Иалихит абри
Амбара. Абра иҭацәны изԥыхьашәаз, аҩныҟа даныгьежьуа
игәы ҭԥраауа дцоит. Ажәеиԥшьаа дразны дахылаԥшуп ара.
Уажәы ахалара иаҿу ахьшькцәа Шьрын, Алықьса, Шьмаҭ
рыхьшькырҭеи рҵыси рҟәаҟәа иқәҵа иҩеиуеит. Иааҭгыланы
еиҭа атрышә иасуеит, аҭак анырмаҳалак игәырӷьаҵәа,
ршьамхқәа ҵарха рҿыҩархоит. Аџьынџьтәылатәи еибашьра еилгеижьҭеи абар, ҩышықәса ирықәуп, абри Мамсыр
ихьшькырҭахь имаацт арҭ. Агәҭаны игылаз Алықьса, сахҭан
хҭарԥала зылақәа ҭаӡыз аҟыршы, алар еиԥш ииашаӡа
алакәымҳа лаба хәшлаԥса иқәыртәаны икын. Аҩадара да
хьаҿоу даашьацәхныслацԥхьаӡа, аҵыс ааԥаҭ-ԥаҭуан, нас
аҽааикәаԥса иаақәтәахуан. «Ҵәит-ҵәит», – аҳәон. Амза
арысҟак иахьарлашоз, ишаз џьанашьозаарын, акы инац
ҳаргьы цәгьа иамбозар акәхарын уи аҟыршы, аха иааг.
Шьрын ацацәа иалхны еилышьны иҟаиҵаз ашәыра, нан

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10
- Büleklär
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3393Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3522Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3475Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3457Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3437Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3521Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3501Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3518Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3407Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3443Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3495Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3465Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3521Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3510Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3590Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3553Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3538Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3418Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.