LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07
Süzlärneñ gomumi sanı 3437
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2347
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ҳәа амениу ианыц акәын ианыз – аборш, акатлет. Аофици-
антка акыр-кыр дыччо (ахаан уажәада дсымбацт, дҿыцзаап)
даасыдгылан, аԥсшәа салҳәеит. Саргьы салам лысҭеит, ис
цәалаӡуеи. Усҟакгьы дзыргәырӷьо здыруеит, аха саргьы ус
лада-жьада иукуа уаҩӡам, сыԥсыроуп амыцхә капеи-кыл
ҵәак анлысҭаша. Саҳәеит актәи – ҩ-боршк, аҩбатәи – ҩ-кат
летк, ахԥатәи – акрыфарҭа адиреқтор.
– Адиреқтор, дысфаразы акәӡам, ус ак иасҳәоит нала
ҭаскит. Нас дырҩегьых акыр-кыр дааччеит, лкарандашь
лқьаад инақәылкит:
– Рыжәтәыс иуҭахузеи? (Уара ҳәагьы салҳәеит, измааноу
сыздыруам…). Иҳамоуп акониак, ауатка, аҩы шампанск…
– Арыжәтә зыжәӡом!
– Избан?
– Арыжәтә анызжәлакь сбааԥсхоит!
– Улеишәа цәгьазаап?
– Уи бара бус алам, ибасҳәаз аага адиреқтор днадкыланы, – дагьцеит дышьқьырны.
Исымҵагылоуп «сзаказқәа»: ҩ-боршк еиламгыло, ицәиа
ҵәаӡа, еилыӷраашәа, иҵәыҵәӡа, иҵаахәҵәараӡа. Ҩ-катлетк:
акәац алазар ҟалап уҳәаратәы афҩы усшәа иҟоуп, мака
ронақәакгьы ҵәыз-ҵәызуа иавоуп. Ус адиреқторгьы дааҩ
нашылеит.
– Уаххьа уфахьоума? – дшааҩналазҵәҟьа сиазҵааит. Ус
хыхь-хыхь ҳаибадыруашәа ҳаҟан.
– Мамоу, макьана аха сымаӡам, – иҳәеит.
Абар ассир! Ицәажәашьа злаҟоу ала акрифалозаап ари,
аха макьана «аха» имам.
Ихәы ҳәа исырбаз аборш днахәаԥшит, икатлетгьы илаԥш
нахигеит. Иԥынҵа ааимарӷәӷәашәа ддәықәларц иҽазикит,
аха зны аԥсшәа ахиҳәааит.
– Идуӡӡаны иҭабуп, саҭоумҵан, сеиԥшым, даҽазны, –
ацара иҽыназикит.
– Иҟоу уасҳәап, ҽазны-азны сыздыруам, аха усыкәых
шаноуп акыршуфо! Абра улсыдтәаланы уборшгьы укатлетгьы ак аанмыжькәа ианырбзааны иуфароуп, зынӡак уҟыт
бжьы гар ҟалаӡом! – стапанча сыкәа иааҭысхын, ԥшьшьала
игәы иныҵаскит. Иблақәа акыр иаапазхеит, иҿы ашҭҳар иқә
ҟьеит (атапанча ахьбзиақәо ыҟазаап).
Ашьшьыҳәа дылсыдтәалеит. Иҳамҵгылақәаз ҳборшқәеи
ҳкатлетқәеи акы рныршәламкәа иаҳрыцқьеит.
– Уаҳа аазгарыма?
– Мамоу сукәыхшоуп, уаҳа сҭахӡам, қьафҵәҟьа зуит.
Нас, сарма напала игәыҵакны искыз атапанча «пугач»
ҳамҭас иара исҭеит салеигәалашәаларц.
Саргьы адиреқторцәа акрырфозаап ҳәа сгәахы ԥжәо усура сцеит.
Аха баша игәнаҳа сықәсҵазаап, адиреқторцәа акрырымфозаап. Ари ашьҭахь ахәшәтәырҭаҟны аразина ихәлаҵаны
иифаз идырӡәеит рҳәоу, ак изыруит. Сара мап…
Абас ауп.
ДАХӘХААИТ…
Ахаан исымбацыз арԥыс заманак аҩны дааит. Сыхьӡ иҳәан,
инапы рџаџаны сгәыдикылеит. Аҩныҟа ҳлеибагеит, ҳтәеит.
Иузымдыруа ауаҩы иҟны иуҳәашагьы уоуӡом, сҿабырҳацә
ӡа сихәаԥшуа стәан. Ак умҳәаӡаргьы ԥхашьарами! «Амш
сынтәа ақәа млеит, афы асааит», – сҳәеит. Усҟан аӡысаамҭа
акаамеҭ, аҩарқәа хыкьасаны ацара иаҿуп. Аха ус исҿашәеит.
Иаргьы дақәшаҳаҭхеит. «Игәаԥхо зегь бзиами», – иҳәеит
– Уҟазшьақәа злазбо ала сшузымдырыз еилыскааит,
еибабароуп иҟоу, уаҳа акрыҟоума, ҳаибамбеижьҭеи уама
мҵуеи… Сугәалашәом, ыы? – даасҿаԥшит.
– Ааи, аха, мамоу, аха…– ак сҳәан, схы аасыбӷит.
– Иугәалашәо, – иҟәардә даахан даасҿатәеит, – шьҭа
ԥшьбаҟа-хәбаҟа шықәса ҵыр ҟалап, ашьха Аҳәацәа-рӡыхь
аҟны ҳанеиқәшәа, аӡы анусыржәуаз?
– Ҟоҳ, ишԥасагәаламшәои, – сҳәан, схы аасыбӷит.
– Уара уеиԥш иҟоу аҩызцәа нкажьуа сдәықәым, уи ан
цәа иумҳәан, сгәырӷьара уаргьы иугәырӷьароуп ҳәа исыԥ
хьаӡоит. Уажә амҽыша иааиуа акәымкәа, уи ашәны сҩызцәа
гәакьақәа раԥхьа угыланы сыҩны уҩеироуп, ԥҳәыс даазгоит.
Абар «апригласительнигьы», раԥхьа уара уоуп ианысҵа, –
иҳәан, ԥаҭхь дук асахьа анҵаны «ипригласительни» саԥхьа
иаақәиҵеит.
Ауаҩы анасыԥ далалеит, ари бзиами, гәырӷьарами. Инапы ааныскылан, иаарӷәӷәаны идысныҳәалеит. Изласылшоз
ала схы-сҿы сырччеит. «Вот так», – иҳәеит иаргьы, ус дук
нагӡаны дшалгаз мҩашьо. «Ипригласительни» пату ақәҵаны,
сахӡыӡаауа сџьыба инҭасҵеит.
Ари аамҭазы аҩны иҟоу, ашә лхы аакылалкын, лылақәа
слырбеит. Уи адәахьы сдәылгара акәын иаанагоз. Ус ҳаи
бадыруеит лареи сареи.
– Минуҭк, саҭамзааит, – сҳәан, адәылҵрахь сеихеит.
– Уадаҩк шәҽалашәымгалан, амарџьа, – ибжьы насхьиг
ӡеит. «Иаууеи» – аасгәахәт.
– Дызусҭа, уара, ари икылугаз? – «даасҿаччеит» аҩны
иҟоу.
Са сакәхуп «дкылызга»…
– Ба дыбдыруазар саргьы дыздыруеит, жәамааҭк аԥара
иҭахуп.
– Ишԥа, аԥсахроу?
– Аԥсахра акәындаз бабгьы сабгьы ирыԥсхәымзи, зын
ӡак ҳалҵӡаны иаҳҭароуп жәамааҭк, – сҳәан, «апригласительни» ҷаԥшьӡа, иааҭыганы иналсырбеит. Жәамааҭк
ҟаԥшьӡагьы сыла иаахгылеит. Зны ашәытара ҩалҿысит, аха
еразнак дааиқәтәеит. Нас ҳнеибархәыҭхәыҭын, сара асас
иахь сааит.
Дыҩсхаҵгылеит асас. Дласыртәеит.
– Ыы, амш сынтәа… – сҳәеит.
– Аа, амш сынтәа акалашәа иҟоуп,– иҳәеит иара.
Абри аамҭазы ҳачуан аӷьӷьаҳәа абжьы геит. Асас снеи
ҿаԥшит, аха имаҳазшәа ҟаиҵеит. Нас ҳакәты заҵә абга
иакызшәа аҟыжбжьы аагеит. Асас снеиҿаԥшит, аха има
ҳаӡазшәа ҟаиҵеит. Аҩны иҟоуи сареи иааӡбыз аплан дна
вымшәакәа дааиуан, аха макьана акгьы алҵуамызт.
Нас ашә аавҵрааны лыбжьы аасықәлыргеит:
– Акәты сызкуам, уеихсны иушьыроуп.
Уи аҵыхәтәантәи ҳвариант акәын. Асас снаихәаԥшит.
– Ҩыџьа ахацәа ара ҳаштәоу акәты ҳаихсны иаҳҟәаҟәартә,
ус иҳамкуеи, – иҳәан, асас дҩаҵҟьеит! Саргьы сҩаҵҟьашәа
зуит, ҳпланқәа зегь шхыбгалаз усгьы избон.
Ҳакәты заҵә ықәҳаҳа иаҳфеит, иаахәаны изаагаз
арыжәтә ҭыркәамҷаа, «азираба» наҳмыжьит, нас аҵәах-сах
ҳәа ҳазхара ҳаибагәӡын (аҩн иҟоу уи далахәӡамызт), дын
дәылганы доуҳажьит.
Ичараан жәамааҭк аԥара аконверт иҭаҵаны изаҳшьҭит,
дахәхааит…
ҲАҨНЫ ҲНЫҲӘОИТ
Мамсыри Џьгәаҭи амҩан иааиҿаҳаит.
– Абааԥс, амҽыша аҩны усызҩеироуп, ҳаҩны ҳныҳәоит,
– иҳәеит Мамсыр.
– Ҟоҳ, уи шәаақәымшәакәан ауаа шыԥсуаз сыԥсындаз.
– Ыы, иҟалеи?!
– Иҟалеи захьӡуи, ҳаҩны ҳныҳәоит умҳәаӡеи?
– Нас, исымҳәеи!
– Ихьышьаргәыҵа саакәхшоуп, игәаԥхо зегь бзиоуп.
Аԥхасҭа ӷәӷәаны ишәоума, иабаахеи иара? Уаҩ ԥсра ҟа
лама?
– Закә ԥхасҭои, иаахо закәи, уара?
– Адыд, амацәыс акәхап, уаҳа иаахои? Ажәытәан аҩны
анырныҳәоз афы анаслакь акәымзи?!
– Мамоу, ус акгьы ҳмыхьт, ҳаҩны, зны иҳаргылаз ҳам
ныҳәацызт, иаҳныҳәоит. Иухоумыршҭын абааԥс, уажә иааиуа амҽыша ауп, – ҳәаны иҿынеихеит, уаҳа изасҳәарыда ҳәа
днаԥшы-ааԥшуа.
Џьгәаҭ Мамсыр дишьклаԥшуа, дишьклаԥшуа, «ԥу» –
иҳәан, дынкажьцәеит.
СЛЫМҲАҚӘА ИРЫЗҲАИТ
– Унан, укәыба ҟаԥшьшьӡа избааит, иахьагьы уҵатәы
мҵаӡакәа уаама? Удәылцқьа наҟ! Аҩныҟа уцар акамбашьқәа
урыцны аӡаҩа уҭабылгьалап. Уаб иҵазар, уаргьы иуҵап,
– лҳәан, арҵаҩы слымҳа ҩҿлырҳәцааит. Ишаҳәшаҳәуа,
слымҳа аҩныҟа исыманы сааит.
Аҩны сахьааиз, сан лдәылҵымҭа иақәшәазаап, ҳла
Дамшә адулаԥ иҭазза иҭагылан (уи адулаԥ цәгьала бзиа иабоит). Ус сангьы дааит… «Бкәыба ҟаԥшьшьӡа избааит, адулаԥ
ашә аартны бызцеи!..», – сҳәан, ллымҳа ҿсырҳәцаарц сҩа
лгәыдԥалеит… аха сара слымҳа аалԥыхьашәан иҩҿлыр
ҳәцааит.
Уажә слымҳақәа ҽада бзиак алымҳақәа ираҟарахарц акгьы рыгым.
ЏЬАНАҬ ГЫЛАРҬАС ИШӘОУААИТ, ҲКӘЫТҚӘА…
Сара зны-зынла сҭаацәа рҳәатәы хасҵалоит. Урҭ исар
ҳәеит аџьармыкьаҿы ҳцаны акәтаӷь аԥара ахҭынҵаны
иаагалар аҵкыс ҳхатә кәытқәа ҳамазар, урҭ амала акәтаӷь
ҳзырҵалар еиҳа еиӷьуп ҳәа. Акрыздыруа дагьууандаз – да
гьуаӷандаз.
Ахьҵәҵәеиԥш акәытҵара ҟаҵаны ҳахьынхоз № ақалақь
аҿы иласыргылеит. Схы иаҟараз саԥаҭ дук гьалгьало, илага
илҿасҵеит.
Сџьыба иҭаз ааҭыршәшәаны, ԥшь-кәтарцынаки арбаӷь
ҟаимаҭки аахәаны скәытҵара илҭацаланы, ашә ҩыҵасыр
ҟацеит.
Абас, жәамш рҟынӡа ҳкәытқәа ачча рҿықәхх, аҳәҳәыҳәа
иҳазҵон. Ҳаргьы ҳаубар ҳаузымдыруа акапет еиԥш, ҳалақәа
ҭыҵны ицо, акәытаӷьқәа ааҳҿаҟәшәауа ҳааиуан. (Акәтаӷь
уаҩы изеиӷьуп).
Бзиа нагӡа збахьада. Хәылԥазык ҳкәытқәа, ахәапа «ижа
ҳәо» акәытҵара ишҭатәаз, ҳкәытҵара амца акит. Хәыҷқәак
ааигәара асԥычка еихьшьуа ишалахәмаруаз, акәытҵара
амца акуоу иамкуоу ҳәа еисаны амца ацрарҵеит. Даргьы
еиԥхеибарс ицеит, уаҵәы иукып. Аисара еисароуп, иҟоуҵари
нас. Абар, уажәы ҳаӷоу имшхара, ҳкәытқәа леилаблы ицоит, иабаҟоу нас ҳакәтаӷьқәа. Акәытқәа алҩа рцәымӷызаап,
уи анрылач «ауазырра» иалагеит, ҳаргьы ҳуазыруа ҳава
гьежьуеит, ӡык ҩаҿаҳҟьашәагьы ҟаҳҵеит, аха иаапкӡаны
еиҳагьы амца иақәҵәиашаны иакит. Абар, уажәы, уашьҭан
ҳкәытқәеи ҳарбаӷьи, ҳлымҳа саркьада иаабараҳа, иаамбо
ҳҟалоит. Атыҟҳәа иаасгәалашәеит ателефон. Уи асқәа раан
уаҩы ихәоит, иаақәсԥаан сасит ани … абылра аныҟалалакь
изырԥсыр зҭаху аусҳәарҭахь. Даарак сыдмыргәаҟит, анцәа
илԥха роуааит, сааҭыбжакгьы мҵыцкәа, аҟыԥҳәа атрубка
ҩышьҭырԥааит.
– Иҟалеи?
– Иҟалеит, иҟала…
– Изакәызеи иҟалаз?
– Амца акит, амца!..
– Иарбан изкыз?
– Ҳарбаӷь, ҳкәытқәа…
– Арбаӷь амца акит ҳәа ҳмаҳацт, амырза иакызар
акәхап…
– Мамоу, изҭакыз акәытҵара амца акит, даргьы уа
иҭатәоуп!
– Наҟ иҭымҵуеи нас?
– Изҭыҵуам асаԥаҭ аҿоуп.
– Асаԥаҭ аҿышәх!
– Уахь ҳазнеиуам, ҳбылуеит.
– Даҽазны асаԥаҭ аҿашәымҵан!
– Иаҿаҳамҵар акәытқәа ыӡуеит!
– Амашәыр зымпыҵҟьада?
– Хәыҷқәак иацраҵаны ицеит.
– Ишәызкыма урҭ?
– Мамоу.
– Шәадрес?
– Камшьышь имҩа, аномер 9.
– Хәыҷык шәаҳзыԥшы, ҳмашьынарныҟәаҩ имгәа ихьуеит, маҷк иааҭԥшшар, ҳнеиуеит.
– Ибзиоуп, ҳашәзыԥшуп, сукәыхшоуп, уаха усгьы џьаргьы
ҳцаӡом, аҩны ҳаҟоуп, амала, аҭалуа ахәышә шәымамзар,
ажьаӷь уатка, абас ҵәыцак аҟара ишәыржә, изеиӷьуп.
Ҳаицәажәара ашьҭахь дук набжьымскәа, акәукәуҳәа
иҳәҳәо икылҟьа иааит рмашьына иаманы. Усҟан ҳкәытҵара
ахыб абжак кьыс амаӡамызт, иаанхаз азыбжак ашланг
лақәкны акаҩҳәа аҩызцәа рахь акоманда ҟаиҵеит аначальник, иоушәыжь аӡы ҳәа.
Зегьы ааилагьежьит, џьоукы рџьаз хылԥақәа ҟаԥшьҟаԥшьӡа ирхыҟьҟьаны икаҳаит. Ауаҩы ицхырааразы абас
ауаҩы дангәаҟуа шаҟа угәы иаахәозеи. Ас иахьгәаҟуаз
ирыцҳашьаны сылаӷырӡқәа аасыкәаашеит. Аӡы аусыжьуеит
ҳәа иаҿыз ибжьы ҿацаӡа иааиргеит:
– Аҩыза аначальник, аӡы аужьга арыԥҵә злаҳаргьежьуаз
ацаԥха ҳхашҭны ҳааит!
– Иуадаҩым, амашьына ара ишәыҵагылоуп, ахьышәҭҳәа
шәцаны иаажәга!
Аҟыԥ-сыԥҳәа, кәытҿарҳасрак иалагӡаны, зегьы амашьына
иҩақәпапан, ршланг ақәҵарагьы агәырҩа мкыкәа, ус иҳәазо
ишацыз, иақәшәаз ахәыҷқәа гәырӷьаны, арҵәаа-сырҵәааҳәа
иҳәҳәо уа ашланг ишашьҭаз илеи илаҵҟьеит. Рмашьына
шыҳәҳәоз ицаны иааит. Ани ашланг шьҭызхыц аначальник
иаашьҭихын, алҩа зхылҵуаз инақәкны, дынкылԥшын акоманда ҟаиҵеит:
– Иоушәыжь аӡы! – ҳәа. Иагьоурыжьит аӡы. Абас даара
акыр, ҩбаҟа-хԥаҟа ведра зҳәаз иеиԥш, аӡы ахәа илаҭәахьан
еиԥш, фырт-чыртҳәа инеихәлас-ааихәласын, аӡы ааира
иааҟәыҵит.
– Афы асааит, абак шҳарҭәрыз ҳхашҭзаап убама? – иҳәан,
дааӷьаҵәы-ӷьаҵәит аначальник.
Даҽаӡәызар ачԥхьҳәа дгәаарын аӡы шԥашәхашҭуаз егьи
ҳәа. Ас агәаҟра аныҟоу, аӡы акәым, ухы ахьухамышҭуа иҭабуп
уҳәап. Сара уи азыҳәа сагьымгәааит, ргәы ҭыӷьӷьаа исыцхраауан рыцҳа. Саб иуааҳәцәа иреиуашәа, сызхарацәҳарызеи.
Ҳкәытҵара уажәгьы алҩа ахылшәшәон, акәтыжьӡ афҩы
хааӡа исаҳауан.
– Ҳкәытқәа усгьы имазеиуп, ҵәыцақәак ааидаажәылап,
аҩныҟа шәааи, – аначальник ижәҩа снахьынԥашеит.
– Џьанаҭ гыларҭас ишәоуааит ҳкәытқәеи ҳарбаӷь рыцҳаи!
– раԥхьатәи аҵәца ныхҭәаланы сара искит.
ҶАӶЫР ИХАРԤ АНИӠӘӠӘА ЕИЦӘАХЕИТ…
Убри ауп ссааҭгьы иахьыз. Ссааҭ хәыҷык аԥаса еиԥш
аус амуазшәа збан (уахыки ҽнаки минуҭк иагхон) исыманы асааҭқәа рремонт ҟазҵоз аҟаза иҟны сцеит. Уи илақәа
кәанҷашәа акы нҭарԥаны, ссааҭ еихыхны дылҭаԥшит.
– Ари рыцқьатәуп, – иҳәеит. Амаз ахьшьрагьы арыцқьа
рагь ак акәыз џьысшьон сара уажәраанӡа. Изыԥсоуп зиҳәаз
хԥаҟа мааҭ ҟәрышьқәак рыцны инаисҭеит.
Ииҳәаз аҿҳәаразы изгеит. Уи аухаҵәҟьа хәминуҭк иагхеит.
Еиҭаназгеит. «Ари џьара икыдуҟьазаап, ахә ушәар иҟасҵап»
– иҳәеит иҽырҭынчны. Ахә еиҭасшәеит, еиҭаҟаиҵеит жәа
минуҭк иагхо. Ус, ус еицәамзар еиӷьымхо ҳашнеиуаз мацара,
ссааҭ зыԥсаз абжа аҟара ахә сцәигеит.
Нас аҩны исабжьыргеит ссааҭ аашьҭыхны, иганы иҟазҵоз
аҟаза ихы иақәԥысххаарц. Ус егьыҟасҵеит. Исыманы снеит.
Иаргьы дгәырӷьаҵәа дҩасҿаԥшит, даҽа ҟәрышьқәак шԥа
симҭари ҳәа акәхап.
– Ссааҭ заазга ухы иақәԥысххаарц ауп, ус аҩны исарҳәеит,
– сҳәеит.
– Азамана, саргьы аисра сгәы ԥнаҵәахьоу џьушьоума, –
иҳәан имахәар шәпақәа хьашьшьаауа дҩагылеит!
– Иахьатәиала аха сымам, даҽазны, – сҳәан, аҩныҟа
сцеит.
Ҳаи, анышә дыжны дамандаз, уаҳа акакәым…
ИАХАҲАРԤАРУ СЫЗДЫРУАМ
Усҳәарҭак аҟны аӡә дысҭахын, сныҩнашылеит. Исҭахызгьы
истол дахатәан. Амза актәи азбжазы иуалафахәы ҩынҩажәи
бжьба мааҭ ирҭан иаԥхьа астол иқәуп. Иара икарандашь кны
цифрақәак ақьаад ианиҵоит. Аԥсшәа иасҳәеит, аха иара
аҭакс «абааԥс, сеилоумган, абра џьара утәа» иҳәан, дызҿыз
дналагеит.
– Таақ, асабша Вика иҩны иныҳәоит, дыҩнаблааит – жәа
мааҭк иҭахуп. Амҽыша Аҳмаҭ ԥҳәыс дааигоит, иааигогьы
иаргьы ацгәы еиқәаҵәа рыбжьысааит, – жәамааҭк иҭахуп.
Инахьхьи асабша Кәымпыл хынҩажәа шықәса ахьихыҵыз
деигәырӷьаны ачара иуеит. Усҟак ихыҵаанӡа наҟ даԥырӡаар
сыжәамааҭк ҷаԥшьӡа иаасхамшәалози… Амҽыша Мамсыр
ихәыҷқәа аӡы иӡааихуеит, иара Мамсыр аӡы дагар шԥаихәҭаз,
сабиц, уигьы жәамааҭк – итово ҩынҩажәа мааҭ ахәҵәы
иаахдыршәеит. Абжьмааҭк исзынхаз аӡәы исцәигаанӡа рыхә
асигарет аасхәап. Аҩны акрыфара жәохә мышҟа иааҳачҳап,
– иҳәан, иԥарақәа еихша-еихшаны, изтәқәаз рыхьӡ нақәҩны
иџьыба инҭеиҵеит. Инхаз ибжьмааҭк аанкыланы асигарет
ааихәарц ддәықәлан, аха дысмышьҭит.
– Уажә аԥшьаша ауха санду лцәымза шьҭаҳхуеит, ҳауацәа
раԥхьа угылоуп, сааукәыхшоуп, – сҳәеит.
– Иаахшәырԥар ҟамлаӡои? Егьи амзахь иахыжәга сымнеир шәымуазар, – иҳәан, ибжьмааҭк има ддәылҟьа дцеит.
Иахҳарԥару сыздырам ҳцәымза.
СААҼЫРБАП ААСГӘАХӘЫН...
Ақалақь агәҭаҟны машьына ласк «Москвич – 498» ҿыц
ҳҳараӡа, ицырцыруа аулица аган аҟны игылан. Зынӡак, аԥ
шӡара икны иагон. Уаҩ дҭатәаӡамызт. Иабасԥырхагоу, сызхара избап сҳәан, снеин аԥсҟы ахьҿаз ала снадгылеит. Снапы надыскылеит. Снацәақәа рҭыԥ баҳҭ-баҳҭӡа ианызбаалон.
Шьыри, абас, машьынак слотореиа билеҭк иақәшәахыр,
сыԥсы маҷханы скаҳарызу, скамҳарызу ҳәа схәыцуа сгылан.
Иара, агаражгьы сымаӡахым. Аха зны ус акы нақәсыршәла
рын агараж сыргылаанӡа. Ианысҭаху иахьысҭаху снақәтәа
ны сныҵаҳа сцалон, аиҳаракгьы шәарыцара сцалон. Е-е-ҳ,
закә насыԥзи…
Ара иниас-ааиасуа ари амашьына сахьадгылоу ишьыцны
исыхәаԥшуеит, закә разҟызеи имоу ргәахәуеит. Ус аразҟы
роулааит.
Абан ҭыԥҳакгьы деихатыруа, лыхцәы шкәакәа (уажә ус
имодоуп) хаҵаҵас иҵырффаны, аҩада лыҽҭыганы исыма
риашашәа дахьааиуа. Нас маҷк уа даанҿасын дысзыԥшуеит:
«Ыы, аҭыԥҳацәа амашьына змоу бзиа дырбоит ҳәа саҳахьан,
ҵабыргыҵәҟьазаап, бсыхәаԥшла уа...». Сара уи дсымбаӡоз
шәа наҟ сқьышә днықәҵаны ӡибнаҟа аԥшра сналагеит.
Амашьынақәа змоу рмашьынақәа ацаԥхақәа рнацәа
иақәырҵәашауа идырхәмаруеит, уи ус избахьеит. Сџьыба
сылҭалан, суадажә ацаԥха ду аасымпыҵакны, адаҷ иацра
ҳәаз снацәа иахасыргьежьаауа салагеит. Сышьҭахьала «смашьына садиалоуп». Нас сызлак нцәыҵырԥшны ани аҭыԥҳа
лахь ҵиҵу ҳәа снаԥшит (егьа умҳәан, аҷкәынра!). Лара дахьгылац, аԥса амахә кшәа дгылан, маҷк даасҿаҷҷеит, ус ауп
ишыҟоу, иҵашәааит.
Ус ҳшыҟаз аԥшӡа еиԥш дныҵашәа дцеит. Дцазааит. Уи
леиԥш егьаҩы ара ииасып. Сдаҷ ыркәаталеиуа «смашьына»
сшадиалац садиалоуп.
Аха абар ассир! Ани «сыӡӷаб» дырҩегьых аԥса даавшәан,
(уажә еилаҳәарак лкуп) исымариаша ахьшь еиԥш дышьҭԥраа
дааиуеит. Дҿагәабзыӷӡа дыҟоуп. Ацәҟьа иаҿалақәо абас ауми
ишыҟарҵо, абзиара акраҭахума. Дааиуа, дааиуа дџыхӡа даасыдгылеит. Лыбла гәыӷра ҭбаақәа улӡаакәкәала узымцахуеи,
илхаччо даасҿаԥшит. Сара егьа схы аԥшнысымҵап сҳәаргьы,
иамуит. Саалҿагәыбзыӷит, аԥсԥхӡы аасықәнаҭәеит.
– Маҷӡак шәнаскьар ҟамлари? – деиҭааԥышәарччеит.
Сара илҳәаз цқьа исзеилымкааит, аха уеизгьы, зеиԥш
ҟамло егьыҟам ҳәа маҷк шьҭахьҟа «смашьына» снадҵит, нас
иҟало аабап сҳәан.
Аҭыԥҳа аҷараҳәа амашьына ашә аартны ахьшәҭҳәа дын
ҭатәан, леилаҳәара ашьҭахь инақәылҵан, амашьына наҵ
ҟьеит!
«Смашьына» иацырҟьоз алҩа еикәаҵәиуа иҩасҿачит.
Лара дныҵаҳа – саб рыцҳа иахь дцеит. Уаҳа дымҽырбааит,
сааҽырбап аасгәамхәзи!
ШӘНЕИ ҼЫКӘАБАРА
Сабшан. Еиҟәжәаны иҵаауан.
– Уанаџьалбеит, сынтәа ари аӡынра миасӡаргьы уҽумкәа
баӡои, уфҩы ахьго умаҳаӡои, ана шьаҿак бжьам, уцаны
аҳамам аҟны ӡык ааухьыршаны уаар, – ҳәа сыхҭалкит ани
аҩны иҟоу. Уи аалҿыҵымшәар акәын ҳәа, знык ианылҳәа,
нас дшаҟәымҵуаз здыруан, иахьа дызбама. «Еиқәыршәа
сымаҭәақәа!» ҳәа налыдысҵеит. Иҟалалакгьы ҟалааит, знык
сылақәа хҩаны наҟ исԥырызгап, нас ԥхнынӡа уаҳа ус сымам
сҳәан, сеилаҳәара аашьҭыхны сцеит аҳамам ахь. Сԥынҵа
ҟаԥшьӡа аҵаа иакны сныҩнашылеит. Анышхҵә, ахацәа ҩна
гылан акасса ахьыҟоу азал аҟны. Арҭгьы рыҳәсақәа рлеишәа
цәгьазаап ҳәа иаарыцҳасшьеит сҩызцәа.
Ахацәа еицҿакны, махәҿеилҳәала аҭаҭын иахьахоз акәу
сыздыруам, аха даарак ихьҭамызт азал аҟны. Абилеҭ аамсхын… нас алеиҩеира салагеит, сшьапы еиҵысхырц! Араҟа
гәаҟҵәаҟра ыҟаӡам, сааҭк-ҩсааҭк зҳәаз иеиԥш, уԥсы удыршьоит. Саргьы ус цқьа сыԥсы анааиҭаск, сыҩнарҵеит.
Аҽеилыхырҭаҟны ажәжәаҳәа сҽеилыхны, сымаҭәақәа
нкнаҳашәа уны, сныҩнаԥалт ус злаз ахь. Уажәааны ас ауа
да ахьԥхам аҽеилыхны агылара даарак исҭахӡам сара.
Аӡы аушьҭырҭа арыԥҵәқәа аасыркәадан, аҽырҳәа зҿааз
хаз аӡы снаԥан, снаҵагылт. Схәы-сжьы хаххала игылоигыло сеиџьыԥӡа, зынӡа ахьаԥарч асахьа аасхәеит. Акусуҳәа аҽыкәабарҭа уадақәа ирныҩны ахацәеи аҳәсеи
рыҳәҳәабжьқәа саҳауан. Уигьы намысдароуп, ухәыҷымкәа,
умҷымкәа ахьҭа сакит ҳәа ушыҳәҳәо ҳаӷоу иаҳааит. Сара
сагьымҳәҳәеит, сагьымҟааит.
Зынӡак мпылк саҟарахаанӡа саҵагылан. Ус илеиуаз аӡы
маҷк иааҟәандахеит. Акры зычҳаз акры ибеит! Нас сыз
цәшәоз, асапынгьы аус асыруит. Иахьабалакь асапын шәах
быбышӡа ианыҩасықәсырч, атыҟҳәа аӡы алеира иааҟәыҵит!
Ара иҟамло егьыҟам ҳәа рҳәо саҳахьан, аха асҵәҟьа ҟалап
ҳәа сыҟамызт. Убригьы сҽаҵасырхарым сҳәан, анс ҟасҵеит,
арс ҟасҵеит, брус иамаз зегьы рлымҳақәа сырҵәиит, аха
уҽшьы уҭахызар, идагәаӡа исхагылоуп. Сшьапқәа акәата
ашьапқәа реиԥш иҟаԥшьшьӡа, ршьа рылԥхаауа акәашара
иалагеит, са скәашап ҳәа сгәы иҭаӡамкәа. Ус сбалыбаҭо, асса
ҳәа сыҩнагьежьаауа сшыкәашоз, сылақәа асапын рхылан,
сахьцо сымбо сааҩнахеит. Уи аамҭазы ашә иасуа иалагеит,
уаамҭа нҵәеит, удәылҵ ҳәа.
Акәатаҳәа рҳәатәы хаҵаны, асапын шәах уаҩы ишизеицәам
здыруан, ус ишсықәыз сҽеилаҳәаны сымпахьшьы еилырҟаца,
схы иаакәыршаны, сеилаҳәара аасҩыҵаркны, шәымш аабзиахааит ҳәа сындәылҟьеит, сеибга-сызҩыда сҷыгәӡа аҩныҟа
сааит.
Амала, ақалақь салсны сахьаауаз џьоукы рнацәақәа
сықәкны сеибадырбон, ахагацәа рыҩны ддәылҵны дрыцә
цаазаап ихы ампахьшьы акәыршаны ҳәа.
Ауаа егьа рҳәап, сара уи агәхьаагьы сымкит, сышхагамыз
агәра згон азы. Шьҭа наҟ-наҟ, ԥхнынӡа уаҳа ус сымам. Аҩны
иҟоугьы лыԥсы лшьап.
СЫМГӘАГЬЫ БЗИАХЕИТ
Амыцхә уфар умгәа ухьуеит, убри ауп исыхьыз саргьы.
Нас ахәшәтәҩы иҟны снанагеит. Аха еиӷьуп аханатә уи шы
ҟалаз ҳҳәар.
Ашьыжь акрымфаӡакәа сыҵҵит. (Сара зны-зынла ус сыхьлоит). Аҩны иҟоуи сареи ҳанеибаргәаалакь ԥшьымш, хәымш
аҳаҷа ҳахәлалалоит – ҳаицәажәаӡом, акрысҿалҵаӡом.
Амала, уи аҿҳәара аниаслакь ҳаинаалоит, нас иаха ҳаидна
галазшәа ауп ҳаицәнымхо, ҳхаҵкы кеибамыршәуа ҳшыҟало.
(Шәара шәшыҟоу сыздыруам). Ишысҳәаз еиԥш, шьыжьла ҿымырҵысы иҵыҵыз, ашьыбжь азгьы ҿашәа смоуӡакәа
хәылԥазынӡа ус сынхеит.
Ахәылԥазы сахьыҟаз ақыҭаҟны «ишысымуаз, мчыла»
снымҩахырган, ҳхәы дырхиан, ҳлатәеит. Аҩынтә раан исым
ҵадыргылаз сбысҭа еиқәҵа ажәжәаҳәа сахаланы абжеиҵа
ра иласцахьан еиԥш, исзеилымкаартә шьҭыбжьык саҳан,
схы сҩахеит.
Аҩы наҳауа иаҳхагылаз аҭыԥҳа сбысҭа днахәаԥшын,
«ԥыфт-чыфт» лырган, лкьатеиах ԥҵәо, леирыӡ аҩы ырҟьаш
ҟьашо, лчабра лҿагәаны наҟтәирахь ауада дныҩнапҟа дцеит. Рыцҳа, ари заарак лымазаап ҟасҵеит. Уахьлыхәаԥшуа
лыччаԥшьа иагым, лыԥшра – ус, аха арахь «адәныҟәа» дырку
аллаҳ идырп. Иаанхаз сбысҭеи сцыфеи леибасырган, амцхә
аҩыжәра сҽадмырхалакәа, сызхықәааны сыҟаз ажәабатәи
аҵәцала ҳазҭоу ааҳәаны аҩныҟа иқәсыршәит.
Сымгәа хаччыла, ибақьаӡа исыманы сааит, абгахәыҷы
еиԥш аҳәынҵәа сыцратата. Аҟыгәҳәа ашә ааимжәааны,
сгазҽазуа ҳуада саныныҩнаҳа:
– Џьалла урҳәазаны уааргозма, иугәыҵататои уара хәа
ша! – ҳәа дыԥсыхәшаха даасҿаԥшит аҩны иҟоу. Сара лықә
ҿысымҭит. Избанзар, абар аҿҳәара нҵәоит, ҩымш роуп иҳагу
ҳаинааларц, уажәы иҳарҿыцхыр, даҽа ԥшьымш-хәымш уи
ҳабоит, иабасҭаху сыфа ыҟамкәа, сыжә ыҟамкәа.
Сызнапык ала сҽеилысхызшәа зун, аҳаҭа рчы еиԥш, сымгәа
хаччыла схәыҵаланы сиеит. Ажәеи-ажәеи еихысҳәаауеит,
сызнапык ала зысҳәаз уи ауп, сарма напи сареи ҳаилыҵхьеит.
Мҿлыхуп напыс исызҿоу. Акәымырӷьаӷь сфоит ҳәа бардрак
сахьҩылалаз, амӷ санацәкәыкә саабалыбаҭан, салыҩрны
абықҳәа сахьылкаҳаз сарма напы леиӷәыцәаа ицеит. Уаҳа
ахәшәтәыҩцәагьы замыхәазт, инҿакны иаахырҵәеит. Уажәы
анапы асахьа змоу амҿлых аҭаны сныҟәоит. Сыззымдыруа
унапы иахьи ҳәа иансазҵаалакь, аибашьраҟны исыхьит
сҳәоит. Акәмырӷьаӷь ишахҟьаз сылахь иауаныху.
Аиеи, ишысҳәаз еиԥш, сиеит схәыҵаланы, аҵҵы сықьуа.
Знык ахчы схы закьысыр, уаҳа ус сымаӡам, нас ашақә сшасуа аашоит. Уҭахызаргьы иласхакны абзарбзан ҭырҟьа, са
сзыҳәа зегь акоуп – адунеи кашырроуп
Ашьыжь сымгәа иҭабылгьо-ааҭабылгьошәа хьаак сыз
цәырҵит. Инықәсыршәын ҳгәылара иҟаз ахәшәтәырҭаҟны
снеит. Анцәа илԥха иоуратәы ахәшәтәҩы инеиуаз зегьы уачарадда идикылон, саргьы снеит сымгәа снапы ҭакны.
Хәҩык-фҩыкҟа ачымазцәа, итәаз дубарын, игылаз дубарын, ахәшәтәҩы ажәжәаҳәа зегьы еицгәеиҭон. Сымгәа ахьаа
зеиԥшраз иасҳәеит. «Аа, уи бзиоуп, уи бзиоуп», – иҳәеит, ара
ибзиоу закәу сыздыруам. Нас ителефон аақәихын, џьара дасит. Сара схарԥ ҵыркәакәаны сымгәацәа ҳәаҟьаӡа имҵакны
стәоуп. «Алло, алло, дышԥаҟоу иахатәи счымазаҩ? Дыԥсит
уҳәоу? (Са сахьтәаз сцәа сыҩҭыԥсааит, аԥсра – иҳаӷоу ибааит, уик сзынаҿаԥшӡом). Ахәшәқәа ишәысҭаз ишәмыржәӡеи?
Ианиҳаржә ашьҭахь ауп данԥсы уҳәоу? Уи ҽеимкәа иҟалеит».
– Иацәажәоз даҟәыҵзар акәхап, итрубка иаԥхьа ақьаадқәа
иқәыз ихәыҵаҳәҳәа инрылеиҵеит. Нас сара сахь даахьаҳәын,
сеиқәа анапқәа дҩарыхан, сшьаргәацәқәа рыԥхьашьшьаара
далагеит.
– Уахынла акәу, ҽынла акәу ушьапқәа рхьаа анцәырҵуа?
– Сшьапқәа анцәа ишиҳәара иҟоуп, сымгәоуп исыхьуа…
– Аҳа, уи бзиоуп, уи бзиоуп, ахьаа шԥамоу, уҷапан ахы
чыхәчыхәуашәа иҟалома? Амцашуорагьы умазар ҟалап, –
сарма напы днамҵасын, смахәҿа бжьҳәа икны исааҭ дна
хәаԥшит.
– Уи снапы акәӡам, уи мҿлых… – аҳәаха сеимраӡеит.
– Алафҳәара иаҭыԥым, ара, макьана анапи ашьапи
еиҩыздыраауа сыҟоуп, таак, так, ааи, ааи, апульс излаҳәо ала,
умцашоура бзиоуп, исааҭ днахәаԥшын «снапы» аауишьҭит. –
Абра 59-ҟа таблетка узылсҩааит, илбааудеит, уаҳа ус умам,
умгәа ҷаԥшьӡа ибзиахоит.
Сара исзымчҳазт сҩаҵҟьан, иикыз сарма напы – амҿлых
аамхны ирҳәҳәа ахәшәтәҩы ишьҭахь ачыра иланҟьаны сыҩ
дәылҵит...
Адырҩаҽны ахәлара иалакны ԥаҭлыкак аҩи мгьалқәаки
сахьҭакыз уала-ҭахыла исзынарышьҭын еибасыргеит. Сым
гәагьы бзиахеит. Ашара зызбзиахаша. Шар иҟало аабахп.
СШЬА КӘАПЕИЛА ИСТЕИТ
Сара «Абырлаш» ақалақь аҿы амаҵура салоуп. Шьыжьыказ смаҵураҿынтә сеиҳабы сыҽимхны, хатә уск аҵыхәала
усҳәарҭак аҟны снеит. Ашә снас-насын, азин ансоу, схылԥа
аасхыхны сныҩнашылеит. Хҩыкҟа-ԥшьҩыкҟа быргцәақәак
рыхҭырԥақәа рхыхны, рылахь даара еиқәны, еиқәԥшьыхаа
астол ду иахагылан. Са сааимҭазы, ҳаӷеиҭа, омак ҟалоу
аасгәахәит зназы, аха снаскьаны санынрыдгыла, дызбеит
аусҳәарҭа аиҳабы Қәыџьмахан деибга-дызҩыда астол да
хатәоуп, акы иҩуеит.
– Шьыжьбзиақәа, – сҳәан, сылреихырхәеит. Игылақәаз
аҭаҳмадацәа рцәа иҭаӡыӡаауа ԥшьшьала иаасеихырхәеит.
Қәыџьмахан – даҽакакәым илымҳагьы мҵысит. Уигьы сыԥ
хасҭақәа иреиуоуп – саақәԥсычҳаит.
Ус акыр аамҭа ихы шьҭацаланы акы даҿын, ҳара аԥсыншьан
еиԥш ҳуауаӡа ҳаихагылан. Нас ателефон аақәихын, ҳлымҳа
аҵ ыҵӷәааны џьоукы драцәҳаит. Аҟыгәҳәа итрубка лықәжьны
машәыршәа илаԥш нахьирсит. Аха уи машәырӡамызт, имчилшарақәа зеиԥшроу еилаҳкаау, еилаҳамкаау гәеиҭарц
акәын. Са еилыскаахьан. Аҷышәра дналагахын, аха икарандашь нықәыршәны атрубка аашьҭихыхт. Аҭаҳмадацәа уауаӡа
иахьгылаз еисиин, иаазаза-мазеит.
– Алло-о, шьыбжьон бысҭак бызуама, асыӡбал бымоу,
аҳы, снеиуеит ус акәзар. – Нас ихы ҩышьҭыхны дҩаҳҿаԥшит
«зхьышьаргәыҵа» ҳакәыхшоу.
– Абра, дад, шәҟәқәак алаҳҵан, шәахәаԥшхьоу шәа
хәамԥшыцу еилаҳкаарц акәын, – рҳәеит инапырҟәыҷы-шьа
пырҟәыҷуа. – Саргьы сышәҟәы убра иалоуп еилыскаарц азоуп, – сҷарбаӷьӡа са стәгьы уахь инрыласҵеит, мамзар уашь
ҭан саха имоур ҟалоит…
– Иахьатәиала шәаха сымаӡам, ари амчыбжьык ала зны
шәаакыдгыл, – иҳәан, дырҩегьых, иблыша, ителефон ахь
деихеит.
– Ибзиоуп, дад, абзиара узыҟалааит, – рҳәан, рыхҭырԥақәа
еилаџьгәа икны индәылҵит.
Сара макьана аҳацаҟьа еиԥшҵәҟьа сыҽрӷәӷәаны сгылоуп.
Акырџьара ателефон дасит, нас данааиқәтәа иџьымшьқәа
ҩкыдырххыланы дҩасҿаԥшит.
– Сышәҟәы иҟанаҵаз аилкаараз акәын…
– Иуасымҳәахьеи уара, улымҳақәа ирыгума?
– Усҟак ахьынӡашәҳәо, асиа шәнахәаԥшны, шәзышьҭоу
шәус ҟаҵоуп, ма иҟаҵам ҳәа абанҭ ицази сареи иҳашәҳәар
усҟакгьы аамҭа шәцәақәӡрымызт.
– Ахшыҩ суҭарц, сурҟәышырц уаама, уара макьана уанӡа
унеихьоу?! – инапқәа неиларшьы астол инықәҵаны дҩас
ҿаԥшит.
– Шәара хшыҩаагара шәаныҟаз сара ҟәыдпҟара сыҟамызт,
– илеиҿаԥысхааит саргьы. Нас, ашә ахьҿаз ахь инапы ақәи
кит. Ҳаӷоу дҳаиуанхеит, уи абаа иаанаго сымдыркәа, ахәа
цаҳәа исирбаз ашә скыламхаӡакәа сындәылҟьа сцеит. Уи
инаркны уахь уаҳа сҿы мҳәит, ала неиааит, абга неиааит.
Ибжьысзар ҟалап абас шықәсык инеиҳаны. Сара аус ахьызуаз сусҳәарҭаҟны дааит иара – Қәыџьмахан ихаҭаҵәҟьа. Уи
аҽны сара сусҳәарҭаҟны сеиҳабы дыҟаӡамызт, уа сразҟы иакны сыҟан. Сеиҳабы икабинет аҟны ихаҭыԥуаҩыс сара сныжьны. Спахәӡа, сахҭанла иҭаӡыз уи акабинет ду сыҩнатәан.
Қәыџьмахан ари аҽны ҳа ҳҟнытә шаҳаҭгак имоур
дхәарҭамызт. Ага бӷьыци ашьха бӷьыци еиқәшәоит. Ҳмаӡа
ныҟәгаҩ илкьыԥхьит уи аршаҳаҭга. Анапаҵаҩразы сахьтәаз
дааҩналеит. Дшаасҿаԥшыз еиԥшҵәҟьа адыхҳәа дадыр
сызшәа зны уа даангылеит. «Мшыбзиа», «хәлыбзиа» усгьы
имҵаӡацызт.
– Мӷыц дыҟаӡами? (Мӷыц Камшьышь-иԥа ауп ихьӡу са
сеиҳабы).
– Уи иахьагьы уаҵәгьы дҟалаӡом, – аҭак ҟасҵеит сыш
тәаз, сихәамԥшӡакәа. Даагьежьын, дындәылҵит. Дук хара
имшьҭыкәа деиҭааҩнашылеит.
– Ари аршаҳаҭга уара унапы аҵауҩыргьы ҟалоит, – лҳәеит
шәмаӡаныҟәгаҩ, абра унапы аҵаҩи, – саԥхьа иаақәиҵеит.
Сара иршаҳаҭга сахәамԥшӡакәа ателефон аақәсхын, издыруаз аӡәы сылзасит. «Аллоу, – иҟоуи бызҿузеи уажәы
«апричоска» ҟасҵоит бҳәоу, ыы, уи бзиоуп. Иаха аахыс бхы
шԥаббо, бзаманоуп, ыы, уахагьы иаваршәны ҳазцарыма, аликиор сара иназгоит, конфеҭ-чанфеҭқәак аашьҭышәх бҩызеи
бареи, Манчагьы дназгахуеит. Апластинкақәа «Буги-буги»,
«Твист», «Рок-н-ролл» сыԥшааит, урҭгьы наагоит, уаха иаркыиаркы, ирцә-ирцә ҳәа ҳақәзаап, аа бзымгәырӷьауеи, дад,
аҳы, абзиаразы, сҳәыҳә ԥшқа! Ааилашәшәразы...» – атрубка нықәсҵеит. Ари «суа» дуауаӡа дысхагылоуп, акыргьы
дҟаԥшьхахьеит. Ихаԥыцқәа еихарӷәӷәаны, аха дааччашәагьы
ҟаиҵоит. (Ари аршаҳаҭга уажә имоур ҟамлозаап).
– Урҭ афы зысыз урҟәаҵны абри унапы аҵаҩы, абааԥс,
сааҭк ашьҭахь адәыӷба дҭалоит ари ашәҟәы зҭаху…
– Алло, алло, – атрубка аақәсхын, Манча иахь сасит, –
Манча, иҟоузеи иаха аахыс, ухы умыхьӡои, пахмелиа ҟау
ҵахьоума иахьатәиала? Аа, уи бзиоуп. Уара ани угалстук
аиуа саргьы акы сзыԥшааи, уи модазаап, рҽаҿыршьаауеит
умбои аӡӷабцәа…
– Уара, абри унапы наҵаҩны соушьҭи наҟ, нас даргьы
уаргьы шәызхара шәеицәажәалап! – ибжьы аарымчны иаасыдицалт.
– Изакәи снапы зҵазыҩуа?! – струбкагьы шыскыц искуп.
– Изакәу уасымҳәахьеи уара, абри аршаҳаҭга унапы
аҵаҩы, – иҵегь даахан саԥхьа иаақәиҵеит. Аршаҳаҭга сы
лаԥш нахызгеит, иара деихаԥсы дысҿаԥшуа дгылан.
– Ари снапы сзаҵаҩӡом! Алло, Манча…
– Изабан, иакәым акранума?!
– Мамоу, изакәаным акгьы анӡам, аха ара уаныҩналоз
ашә аҟны ианыз уаԥхьоу? (Саргьы «уара» сҳәеит).
– Иануи ашә?
– Аҵара умашәа уҟоупеи, ушԥазамыԥхьеи, уа иану аҩашеи
аԥшьашеи роуп адкылара аныҟоу ҳәа. Иахьа шәахьоуп,
уаҵәы уаар усыдыскылап.
– Изакәытә дкылароуи узлацәажәо, усҟак имырӷыӷккәа
абра унапы ануҵар, сцеит, иаҳа иузеиӷьзар ҟалап, – ибжьы рӷәӷәаҵәҟьаны илсықәикит. Сарӷьа напы ҩышьҭысхын,
ашә ахь схысга нацәа кәаӷӡа инасырххеит. Иаргьы (сажәа
ҩбамтәкәа) дындәылҩр дцеит аӡы шцара.
Саргьы сшьа кәапеила истеит.
Хымшҟа, ԥшьымшҟа рышьҭахь сеиҳабы дсыԥхьан икабинет аҟны снеит. Ҩбаҟа сааҭ уа сынхеит. Қьаадк сирҩит,
абар уи:
«Мӷыц Камшьышь-иԥа, сшәыҳәоит схатәгәаԥхарала сма
ҵура самшәхырц. Избанзар, смаҵура сгәы ахшәеит». Ари
арзаҳал сааҭк ала априказгьы ацлеит – «Дамхуп Кәантра
ихатәгәаԥхарала» – ҳәа.
Уажә Қәыџьмахани сареи ҳахьеиқәшәо аԥсшәа ҳабжьа
ӡам.
АԤАРА «АԤСАХРА»
Аресторан «Каҷыҷ» аҟны. Мҵарс аконика аԥшьбатәи ах
пыҿ лҭаирпҟан, ҿамҩак аборжом дҩаҿыхәаны, акәты амаха
ааиҿыҵиҳәан, дҟәиҭӡа, дсыхәаԥшуа даатәеит. Саргьы ацаблыкь ацәҟьа иакыз еиԥш сиҿаԥшуан.
– Цәгьала усҭахуп уара, Канхәа, – хаҵаҵас иаартны ибзиабара цәыригеит, ԥыҭк ус ҳтәан. Даҽа хпыҿк-хпыҿк ауҳажьит.
Уи сныҳәаҿа акәын. Хыжәлас ашоколад ацынхәрас уи ацәа
сфоит ҳәа далагеит, сара уи зымуит, иаҭәасымшьеит, сиҳәосичо ашоколад ацәа иҿыҵхны, асалфетка исҭеит. Нас Мҵарс
исеиҳәеит, раԥхьа иргыланы ачеиџьыказы сџьыба иҟьаҟьаӡа
ишаартыз атәы (иахьада капеи кылҵәак исымҭаны аӡәы ифахьеит ҳәа сыҟам. Ари иаҳфо, иаҳзыҳалалхааит, суалафахәы
рыцҳа акәгәышьоуп), аусураҟны аԥышәа ду, ауаа сҿыԥшыртә

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08
- Büleklär
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3393Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3522Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3475Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3457Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3437Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3521Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3501Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3518Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3407Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3443Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3495Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3465Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3521Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3510Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3590Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3553Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3538Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3418Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.