Latin

Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06

Süzlärneñ gomumi sanı 3453
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2377
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
еиҩыжаа ҳамандаз, ба банаазгоз! Слымҳа инҭамслози, аха
ихасҵомызт алақьаафыр! Ҳаи, шаҟа иҽеимзеи абас, аа абар,
иахьтәаз аҭыԥ. Ашоколад ацәақәа, аликиор ԥаҭлыка ҭацәны,
Шьмаҭ иҳәашьа, иҭыркәамҷаа ижәуп. Аликиор лқьышә азцо-

заарын убама. Абан, наҟ рышьҭа ахьгоу. Арҭ аҵлақәа цқьа
ирзымҵәахыр ҳәа ишәозаап. Ара рқьаф ҟарҵеит, шьҭа ҭынч
џьара… е-е-ҳ, сара хәаша рыцҳа… Кәрыкь Фаф, Ӡаԥшь-иԥа
Қәмаџь данирҳәҳәаз еиԥш, сдырҳәҳәоит абарҭ. Атрышә сасрыма? Анаџьалбеит, схы еиламгандаз. О, абрысҟак ашәа­
ԥыџьаԥ абра изыргылаз укыдыбгааит. Иуԥшаараны иҟоузеи
ара… адоумбеи ылазаргьы убом. Иҵегь снаскьапи, аха
мап, рышьҭа уаҳа избарҭам. Ашьацрагьы нҵәеит, аԥсақәа
ирыҵаланы ицеит. Сыҩп, сыҩп, иаҳа еиӷьуп…».
Шьагә ала даарцозшәа дыҵҟьеит. Абнара еихышьшьыла дыҵагьежьуа, аҵлақәа дрывакәараҵоит, ашәах иҿыҵач.
Ичархь хылԥа ихҟьаны зымҩа ицеит… Дыҩуеит, дыҩуеит
алада-аҩада, анахь-арахь, аха иҟам – адгьыл иахәлабгеит.
Дысшьуеит, дысшьуеит иаалгәыдҵаны акаҳԥы, иаргьы деи­
ӷрызжәоит! Шьагә аԥхӡы даго даналага, дшыҩуаз иблуза
кны длахан, иккаӡа иааимыхны зымҩа иршәит. Маика заҵәы
дыҩуеит, дыҩуеит, дхарахаԥшуеит. Ус ԥсаҵла дук дахьлав-­
ҟьаз, адыхҳәа чараз ҟаҵаны даангылеит. Иԥҳәыс напымыӡә­
ӡәа иимкуаз, шԥилкак лҿыҵакны, леиԥка еиқәҵәа лӡараҟ­ны
аҳәын­­ҵәра нҭырҳәцааны еибаркуа, лаԥхьа, лышьҭахь лнап­
қәа ахьшьуа, ачықьра даалҵит. Нас акыркырҳәа дыччо зхызҿы агәамҵреи ааԥсареи зныԥшуа илзыԥшны игылаз аҷкәын
хыш ижәҩа днаҵагылан, рҿаархеит.
– Сагхеит, сагхеит. Зыԥсгьы-зыбзагьы еиҭазгаз, абри
ауп шәара ишәықәнаго, – Шьагә днарықәҟааны итапанча нарықәикын, даҵхеит. Дгьыли жәҩани леилаҟәыбаса
ицаз­шәа, агәыз ааҭнаргеит. Шьагәгьы дызлаз ацәа аҭҳар­
цәҳәа даалҵит. Игәы аҭҳара-аҭҳара еисуа, ажәҩан кеи-кеи
дҩаҵаԥшит. Амра жжаӡа илеины амшын ихгылаз, ашәа­
хәақәа ԥсаҟьаны амшын агәы иқәнаҟьон. Шьагә аԥхӡы
илхәаҭа аԥслымӡ гәӡара дылаиан, аҟәара ауразоуроу, аԥсыӡ
реиԥш еиварыԥх ишьҭан аԥсшьацәа. Акраамҭа Шьагә иԥсы
изеивгомызт.
– Анаџьалбеит, шаҟа сгәаҟзеи, ҳаӷеиҭа, илабҿабаны избар слаҿыԥсаа сцозар акәхарын. Ма уи еиԥш иҟоу зцәа иалоу аӡәы лакәында сыԥҳәыс.

Шьагә инапы азна аԥслымӡ еилаҩҩы аашьҭыхны, ахә­
хәаҳәа иуаҭәақәа ирықәԥсо дахьтәаз ҩыџьа аҭыԥҳацәа
ааин, ивараҿыҵәҟьа рҽааилырхын, аԥслымӡ рҽнарҭеит.
Аҟы­з­қәа реиԥш рыхәдақәа ҭхәаа, рхьаԥштәыла хахәқәа
рба­баны, рхагәҭа иқәырчаа, ихьаԥшкәаԥшуа итәан. Рыӡсага
ма­ҭәақәа, ажә ақьамса еиԥш иџьаџьаӡа, руаҭәа шшәырқәа
ирылапаны иакын.
«Арҭ ачақәа» иахьоуп ианаа. Рхала иҟоуп, макьана уаҩы
иԥыхьамшәаӡац. Шьагә дҩықәтәан, излеицәажәоз ала блала
иааиԥхьиишьшьааит. Нас, аԥсҭазаараҿы бзиара дук наӡаӡа
иалҵуаз аӡә исахьа ааликаан, луанытә даақәԥсычҳахит.
Иқьышә кәамкәамуа, маҷк ахала ицәажәеит. Нас ихы-иҿы
аҽырдагәаны, акгьы иазхьамԥшӡо наҟ Амшын еиқәа ин­
ӡаакәкәалеит. Ус дтәан акраамҭа.
– Абри Аԥсны аԥсабара шаҟа иԥшӡоузеи, мшәан, Жана!
– Иҵегь аҭыԥ ԥшӡарақәа ыҟамкәа иҟам, аха иаҳзырбара
хаҵак дҟамлеит, Есмеральда. Аратәи ахацәа зегьы гәырҩакгәырҩак рымоуп. Бымбои иҳадтәалоугьы шаҟа дгәырҩауа,
наҟ амшын дхыԥшылоит, иԥҳәызба дхымхалакәа дыҟам…
– Уи ауми бара, шьыри цхыраарак ҳазиҭондаз! Шьагә
дыштәац дтәуп, наҟ амшын дхыԥшыло. Аҭыԥҳацәа аԥслымӡ
неигәыдрԥсала-ааигәыдырԥсалеит. «Машәырла» Шьагәгьы
иқәԥсеит.
– Жана, ус ԥхашьароуп, аԥслымӡ иқәԥсеит, – ҳаҭамзааит
аҩыза, машәырла иҳахьит.
Шьагә аригьы иимырҳаӡеит.
– Дыҷкәына цәгьамызт, аха илымҳақәа ирыггәышьазаап,
баала аӡы ҳҭалап, ашоура ҳанҵәеит. Аҭыԥҳацәа акалмаҳа
еиԥш иҳәылымылуа аӡы инҭалеит. Рцәа-ржьы еилыԥхаауа,
асаркьа еиԥш амшын иагәылԥхаа Шьагә ибла иасуан.
– Абжьааԥны бзиоуп ҳҳәап, аха уажәы сара исхарои? Аа,
дара рхала рыҽсыларгалоит. Абыржәы заҵәык, абыржәы
заҵәык, нас уаҳа дунеихаангьы… – Шьагә дыԥан цыгәхыршәҭ
ҟаҵаны амшын дазцеит.

БЗИАЛА ДААБЕИТ, НАН!
Втобуск, уаала кәапеишәа иҭәны, илҭас-ҩҭасуа ицон ақы­
ҭахь – Ҷандараҟа. Ашьхыҵә ангылалакь, еизҵәаҵәаны ма­
хәык ишадтәало еиԥш, атәарҭақәа рыбжьара ауаа ибжьагылаз, автобус илҭас-цыԥхьаӡа «иаагәыдибакылон», хаҵкыԥсаҵкы ҳәа рнапқәа неихьыршь-ааихьыршьуан. Шықәса
ҩынҩеижәаҟа лхыҵуеит уҳәаратәы иҟаз ԥҳәыс ԥшьагьаҭҳак,
каҵкәыр еихачаԥа дук лываргыланы дтәан, адунеи кашырроуп ҳәа. Хәаахәҭра ақалақь ахь дыҟазар акәхарын, ԥарақәак
еикәарҽы иаацәырылган, ашыр-шырҳәа, еилажәжәа-еилагәа
иааԥхьаӡаны, длахан лыкәа инҭалҵеит. Акондуқтор, аԥара
ылхуа, ари аԥҳәыс дылзааигәахеит. Аԥҳәыс ари дангәалҭа,
лылақәа шаҟь-шаҟьо днаԥшааԥшит. «Илхакнаҳаз» ҷкәына
ҟатак днаиҿаԥшит.
– Нан, уара издырӡо аӡә уакәушәа сыҟоуп, усыцәҩашьоу
сыздыруам? Умтәо, нан, усыватәа, – лкаҵкәыр лшьапаҿы илалыргылан днаскьеит. – Аҳаҭыр иҟоуҵо уаԥхьаҟа иуԥылааит,
ҳаҷкәынцәа шәҟата-ҟатаӡа ишәызҳан, шәаадыруама, утәа,
нан дукәыхшоуп, – днаскьан дналывалыртәеит.
– Нан, уара узыҷкәыноу ани… дына… аниии…
– Ааи, Хынҭәба Хакәыцә иҷкәын соуп.
– Аиеи, нан, Хакәыцә. Ҳарҭ ҳаиуацәоуп, нан, уԥсынҵры духааит. Ааигәа дзымбац, Хакәыцә игәабзиара шԥаҟоу? – акондуктор иаарыдгылаз длымбаӡозшәа аҷкәын днаиҿаԥшит.
Аҷкәын иаб Хакәыцә дихаанӡамызт, дыԥсхьеижьҭеи акыр
ҵуан.
– Хар имаӡам, ибаргәузеи, шәара шәысзымдырт, ҵаара
ԥхашьарам?..
– Сара Мҵарс иԥҳа Кылԥаа соуп, нан.
– Ҟоҳ, шәыӡбахә лассы-лассы иҳәалоит, уи лчеиџьыка исфахьоу ҳәа, уажә ааигәагьы шәа шәҟны сыҟан ҳәа дааит.
– Абзиара иқәзааит, нана, ааи, уажәааигәагьы дыҟан ҳа
ҳҟны, ҳчеиџьыка агьама ибеит. Аблеҭ ба, аа, абри аҷкәын изгьы сара сызгьы ҩ-блеҭк сыҭ, нан, – аԥара ахьҭаӡамыз лкарзинка дҭалеит.

– Иауазеи, аблеҭ шәара ишәаасырхәартә, абар, ҩ-блеҭк
ҳаҭ, – иаалымихит.
– Ҟоҳ, ус умундаз, нан. Иҭабуп, нан, уқәлара уахьӡааит,
Хакәыцә ушиԥоу ҩашьом…
– Иауазеи шәызхаҭабуа. Саб ааигәа сасра дшәызнеирц
игәы иҭоуп.
– Уи изы еснагь сыхиоуп, бзиала даабеит, нан!
ИБЖЬАЗААП
Иаацәылашо ианалага, арбаӷь-ҷашь хәыҷы, аҽааршәшәааҽаарқацан изықәтәаз амахә хәыҷы иналбааԥрын, агәы­
лацәеи дареи ирыбжьаз аҳәаа инавалеит. Ана инцәыҵасын,
хәацык аҵыхәа ианкны иаахәыҵнагеит, уигьы ҿаҵахәык
аҳәан, инаха-нахан инҭанагалт. «Ных, аригьы ԥсҭазаарам,
ас уҟазар аҵкыс уҟамзар иаҳа еиӷьуп», – аҳәан, аҽааи­кәа­
наԥсеит…
– Аԥшәмацәа иахьазны игылар акрысҿарҵарушь ҳәа
ула ҭраа уԥшуа, дара ашареи ахәлареи зцәыӡыз уаауп, ам­
ра кыдыззала иҩеиаанӡа цәыблаҟы икны имоуп, нас акы на­
ҳамҵаԥсаны, игәаҟ-гәаҟуа иҩны ицоит иахьымаара… Агәахы
ԥыжәжәо ахьышәҭҳәа иҩаҵҟьан, аҩны ашҟа ахы нархеит:
«Арҭ иахьа имгылаӡозаргьы, сара амла сҽысшьуама? Акәукәу, акәу-кәуҳәа срықәыҳәҳәар, исыкәыхшаноуп ишгылаша» – аҳәан, ашьапқәа наҵырӷәӷәаны, ахәда ааиҵнахшәа
аун, аԥсыԥ ахәда иҩкыларчны ианаахәцәархха, иҭахәаҽӡа
шьҭыбжьқәак нахылҵит. Иҟалаз ҳәа акгьы азымдыруа иаашанхеит! Сҩызцәа аӡәы имаҳазааит, – аганахь инаԥшит.
Аҩызцәа, акәыт ҿарақәа икәкәы-цыкәкәуа акрыфо ауҭра
иҭаз, зегьы ааԥшны аҟырҟырҳәа аччара иалагеит. Атәан
ақәырҭәазшәа, зыхәда цәҳәынтаԥсӡа иҟаз акәҷышь аарыл­
ҵын, акьатеиах ԥҵәо ҳарбаӷь-ҷышь аҿаанахеит.
– Умааин сааигәара, иакәым ҳалибахуеит, умааин! –
аҳәан, арбаӷь-ҷышь акшара аҽазкуа аҽааркәаӷит.

– Сымнеихкәа суҿынҵәаауеит, амала, удинаныс, да­
ҽа­знык шҿуҭра, уаб рыцҳа, даанӡа умнеиааит, ибжьы са­
ҳауашәа сгәы иабоит, – аҳәан, акьатеиах ԥҵәаӡо иалагеит. Арбаӷь-ҷышь аика ҩыхшәааит. Ахы ланарҟәын, ахәда
ааҭ­ганы, иназыҭрысит… Ҳәара аҭахым, амашәыр бааԥс
ҟа­лон, араҟа, рҩызцәа ҳаи-чеиҳәа иааины инарыбжьамгылар. Аинраалара ҳәагьы ак аԥшьыргеит аиҳабацәа, аха
арбаӷь-ҷышь иамуит. Саб ԥсаҭа шкәакәа имаҿоуп, зегь
акоуп ушысшьуа ҳәа имақарны ирыдҵит. Акәҷарақәа иҟа­
лаз лассы иаархашҭын, инцәыҵас-аацәыҵасуа акрыфара
иналагеит. Арбаӷь-ҷышь леи-ҩеиуа аҳәаа иаван, агәы аха­
наршҭырц. Ҳуҭра амца зҭашәаз аҟны иуԥшаауа егьыҟам,
арҭ ҳгәылацәа ирыԥсҭазаашьоузеи ҳәа амӷра инкылԥшит.
Апатырџьанқәа ҟаԥшьыхәхәараӡа, иҿассы ирҿоуп. Сҿы
зырҟьаз ак ҭаимыжькәа, баша сишама хыхь иқәтәоу аҳәан,
ашьшьыҳәа амӷқәа инарыха-аарыхо инкылсын, иреиҳаз
патырџьанк иҩагәыласит. «Бқәақәра згааит ари ҟазҵаз!» –
иагәаԥхазаап, иаҵагьежьуа, иацрасуа еимкәыцәаа афара
иалагеит. Чара-бжара имнеицкәа аԥшәмаԥҳәыс иаагәалҭан,
агәара инкыларханы иаанылкылеит. «Суҭра аҟаҵараан уцәа
абжа ухуххьан, сара мыжда, уажәы какалкра уааит акәу?!»
– лҳәан, инаганы лагьан дук иныҵалкит. Ҭамскәагәк ԥшааны
агәаҩ-агәаҩ ҳәа алагьан ахы днас-аасын дцеит. Арбаӷьҷышь ахы наҭа-ааҭо ишаҟәаны шьыбжьаанӡа алашьцара
иагәылагылан. Изыниаз закәу ҳәа иарбанзаалакь ахы ак
ԥнаҟомызт. Наҟ-наҟ исԥеиԥшу збап ҳәа ус иԥшуан. Ашьыбжьон захьӡыз аԥшәма ԥҳәыс «иҵапҟаша» лҭамскәыгә кны
деи­ҭааихын, илуц уны дцеит. Ахәылбыҽха амца алырк­ӡеит –
ишлылшоз ала алагьан лырцәажәеит. Нас ашьшьыҳәа ала­
гьан иааҵылхит арбаӷь-ҷышь. Аҳәаа инхырууааны изыԥ­сыз
рахь иналыршәит. Ажәҩақәа аҟьашәа ҟанаҵеит, аха ига­
ры-гаҽо, ашьамхы аҵаҟәало, џьара ҭыԥк аԥшаан, ахы нықә­
наҵеит. Инҭаҳәахаа ицәеит. Даара аԥхыӡ бзиақәа ирылан
ауха: ашырӡ, ахәыӡ, аџьықәреи, хкы-хкыла иамфаз ҳәа акгьы ыҟам.
Ус агәыла ԥҳәыс аҭамскәыгәи алагьани кны данаахагыла, иҭрысны иааԥшит. Амра акыр иҩеихьан. Аԥшәма ԥҳәыс

џьықәреик нкалыԥсан, аҩызцәа зегьы ахеибаҳәаны акрыфара иалагеит. Аблахаҵ ҭууа, агәы кыдхынҳәаауа уахь
аҿы­­нанахеит. Аҩызцәа арбаӷь-ҷышь еишькласуа анеишьа
анырба, инхәыҵачча-аахәыҵаччақәеит. Ари зыхәда цәҳәын­
таԥсӡа иҟаз акәҷышь иазнымкылазт акьатеиах ԥҵәо ирыл­
ҵны аҿынанахеит. Арҭ зегь гәанаҭеит арбаӷь-ҷышь, аха
рыгә­хьаа акуа иҟамызт, ирцәынхақәаз акы инацҳақәан
инцәыҵас-аацәыҵасуа ауҭра инҭалеит. Ус иазгәамҭаӡакәа,
машәыршақә иацы иахьҭалаз аҳәаа акылҳара инкылԥшын,
апатырџьанқәа алаԥш нархьысит, аҳаҷаҳәагьы алагьани
аҭамскәыгәи аагәалашәан, иаахынҳәит. Ԥыҭк ианынаскьа,
аӡәы симбазааит ҳәа ианынаԥш, ахәырма ашьапы иадиааланы, агәы анапы ҭарӷәӷәаны, алаӷырӡ аҿыкьаса аччара иаҿуп
ани акәҷышь хәда-цәҳәынтаԥс.
АКӘАЦ УААРА
Бадис игәылара жәык, ҵәымӷума акы афазаарын, иԥсуа
иалаган, изтәыз аԥшәма илкажьны ишьит. Ԥхаррашәа иҟан,
акәац ицәыԥхасҭахар ҳәа дшәан, ԥыҭкгьы агәылацәа идир­
хәҳаит. Ари заҳаз Бадис ашырҳәа дынкылҟьан, аԥшәма ижә
иахьыз азы «днаидшшылан», ашьҭахьтәи ашьапқәа шеибгаз,
ацкы ҳәа иааимхны аҩныҟа иааигеит.
Агәыла, иахьа дыԥшит, уаҵәы дыԥшит, аха Бадис ихабар
ҳәа акгьы ыҟаӡам. Ус, аамҭа акыр аныбжьыс, ныҳәак алам­
ҭалазшәа, зтәы зҭахыз днеит Бадис иҿы, «уҭи сыҭи еишь­
ҭоуп» ҳәа.
– Уара уиашоуп, ҳәарас иаҭахузеи, «уҭи сыҭи еишьҭоуп»,
аха макьана сыжә аԥсра иаламгацт, иусҭозеи, уаасԥеиԥшроуп,
– иҳәеит Бадис.
ААМҬА ИРЛАСНЫ ИШԤАЦО!
Ԥыҭрак зықәра неихьоу џьоукы еидтәаланы аҩы ржәуан,
ажәытәи-аҿатәи ирылацәажәо, аамҭа ргон.

– Дад, урҭ шәызлацәажәо хаҵарақәоу џьышәшьома? Аха­
ҵарақәа ажәытәан акәын ианыҟаз, е-е-и сабиц, уи иахааным
ижәдыруазеи, – иҳәеит зегь реиҳа зықәра зфахьаз Мкалаз.
– Нас усгьы ҳтәоуп, ҳцәажәоит, узхаану џьара акы шҳау­
ҳәара, ҳназымӡырҩри! – иҳәан, Бадис Мкалаз ихы наи­
қәикит.
– Ишәасҳәари, – Мкалаз имышьхәылҵ аишәа инықә­
кны, ицламҳәа ԥаҵа-еимсач инацәкьар ҩаҩақәа налаиргы­
лан, ҿыцха дыԥшуа даатәеит, наҟ ажәытәра днагәылаԥ­
шуашәаҵәҟьа.
– Узхаану, иаҳмаҳац акы, – иааиларыԥсеит итәаз.
– Зыԥсаҭа шкәакәахаша Аинаԥҳа Кьагәа ихаҵарақәа
шәасҳәап нас. Аарла исгәалашәоит, усҟан акыр смаҷын,
ишԥасҳәари, абас жәаба-жәохә шықәса раҟара схыҵуазар
ҟаларын, Кьагәеи сареи ҳаицны…
– Уаагыли, уаагыли, Мкалаз, Кьагәа уара уихаану?! Кьагәа
иԥсы ҭаны, ахаҵарақәа ҟаиҵозижьҭеи ианбатәиаамҭоу…
Ишу­бо, аҩажәатәи ашәышықәсоупеи ҳазну! – Бадис иџьа­
шьаны Мкалаз днеиҿаԥшит.
– Уажә шәарҭ аҿар ашәышықәсақәа ҳәа акы жәдыруеит,
уи ҳара аҭаҳмадцәа иалаадырагәышьои, амала, ҵаны, мцым,
амбатә ҵуеит иара, аамҭа ирласны ишԥацо, уҳәар иауазеи!
Изхысҳәаауа, акака шәылсхьоума?.. – Бадис днеиҿаԥшит
Мкалаз.
ДЫЗЖЬЕИТ, ДЫЗЖЬА!..
Чарак аҟны ԥыҭк зжәыз шьоукы акы ааимаркын, агәарԥ
аҿы иааикәагылан аицәҳара иалагеит. Абар, уажәымзар уа­
жәы аҭаҷкәым ахь ииасып уҳәаратәы иҟаԥшьшьӡа еибакны,
арбаӷьқәа реиԥш еиҿагылан.
Абри аамҭазы, аԥшәма маҵуҩцәа дреиуоуп уҳәаратәы,
имахәарқәа хьашьшьаа, асаланҭы иаҩызаз арԥыс еибага
дук ибжьы ҿацаӡа инарықәырганы даарыдыххылт.
– Кәаӷьына захьӡу уарбану, уара?!

Зегь леикәаԥсы ицеит, иҟалаз рзымдырт.
– Кәаӷьына захьӡу уарбану сымҳәеи?! – имахәарқәа
иҵегь иҵаркәакәо дынрылаԥш-аарылаԥшқәеит. Ҟыт аӡәы
ихәыл­шәом, иржәызгьы рхыԥсааит.
Убри аамҭазы, ибласаркьақәа аҭаны зегь рышьҭахь игылаз ҷкәына сифаҭк ибжьы ааиргеит:
– Са соуп Кәаӷьына! – аҳәахагьы имаӡеит, аҿаҩ-аҿаҩҳәа
иркаланы, иӡамҩа шыҟаз икыдиҵеит иҵаауаз. Ашьа леиҿа­
шәын, ишьапы дықәгылаӡамшәа аҟьеҩ аашьҭиргеит егьигьы. Икшазгьы акы змуӡаз иеиԥш ԥшьшьала днагьежьны
иҿынеихеит.
Икаҳаз ԥшьынаԥха дҳәазо, иԥҽны икаԥсаз ибласаркьақәа
рыԥшаара дахьаҿу дқәацқәацоит, изах ҷало аччара даҿуп.
– Укьатеиах ԥызҵәои уара, зыҩны иҩнанҵәаз, ухәы­
лашьны дцеитеи?!. – уамашәа ибаны иниазҵааит.
– Уау-уаау, дызжьеит, дызжьа, сара сакәӡам Кәаӷьына
зыхьӡу!
ИЛОУҴАЗ АУП ИААУРЫХУА
Бадиси Цәгьахәыци ҽыла еицны ԥҳәысҳәара ҳәа иахьа­
зым­дырӡоз џьара инықәланы ицеит.
Иахьнеиз даара пату рықәҵаны ачеиџьыка рыздырхиеит. Аҭыԥҳа ирбарц ргәы иҭаз, Бадис изакәын дзырҭахыз, аха
иеицыз аҩыџьагьы деицыргәаԥхеит. Цәгьахәыц аҭыԥҳаи
Бадиси дахьрыхәаԥшуаз ишгәаԥхеибашьаз гәеиҭеит. Ари
амца ицранаҵеит, аха иҟаиҵози. Ауха ус дышьҭалт. Ашьыжь
шаанӡа Цәгьахәыц дҩагылан, аҽқәа ахьҿаҳәаз днеин, Бадис иҽы хыхьтәи аԥышә нҿакны иаахиҵәеит. Аҽ рыцҳа
ахаԥыцқәа ҟәашшӡа иааԥшуа иҭагылоуп.
Бадис дангыла, аҽқәа збап иҳәан аҽҭраҟны днеин, ԥыҭрак
ашьҭахь даадәылҵит.
Асасцәа акры рҿаҵа, акры дыржә, рыҽқәа инарықә­
дыртәеит. Бадис иҽы ахаԥыцқәа хыршаны, иҟәашшӡа иааԥ­
шуа иҟоуп, аха игәеимҭазшәа ныҟаиҵан, аԥшәмацәагьы

акгьы ахырымҳәааит. Цәгьахәыц иҭаххеит аҭыԥҳа ишылбо зегьы ихыччарц, аха иааг. Уаҩ анақәҿимҭӡа, изымчҳазт,
дшынҽыжәлаз еиԥшҵәҟьа ибжьы наиқәиргеит: – Уара, Бадис, уҽы зырччои ҳәа.
– Уҽы аҵыхәа ауп изхыччо, – иҳәеит Бадис.
Цәгьахәыц дааҳәны иҽы аҵыхәа длахәаԥшзар, аҵыхәа
абаҟоу, ипатагәаӡа иҿакны ихҵәоуп. Аԥшәмацәа ирзымч­
ҳазт, аҭыԥҳа дназлоу «ԥыф-чыф» дырган инхәыҵаччааахәы­­­­ҵач­чеит.
БАДИС АСАРКЬА ИЗЕИӶЬХЕИТ
Бадис шықәсык аахыс дҳәыҳәикны ибӷа мыриашо дгын­
ҿаа-гынҿаауа дықәын.
– Уанаџьалбеит, ахәшәтәыҩцәа урышьҭалар, уҷыгәӡа
уалдыргозаргьы уздыруамеи – ҳәа иазҳәоз рацәаҩын. –
Ахә­шәтәыҩцәа акыр рдыруазар дара чмазцәахозма, ҳара
ҳеиԥш даргьы чмазцәахоит, иагьԥсуеит, – иҳәон Бадис. Аха
ус, сзашьҭоузеи ҳәа зны днарышьҭалан, асаркьа дҭаҵаны
дырбан, қьаадқәак наиркны днаурышьҭит. Ақьаадқәа иахьа­
хәҭаз имгакәа, аҩныҟа ига ҳәа иарҳәаз џьшьа, има даан, ак­гьы
ахьырмыхьша џьара иҵәахит. Ибӷагьы маҷк дааунашьҭшәа
ибеит. «Акы ахьырҳәо, акы ыҟаҵәҟьазаап, даара исыхәеит
уи асаркьа», – иҳәон уи ашьҭахь.
БАДИС ИАБ ДШИБЖЬАЗ
– Саб аусура баны аԥсшьара закәу издырӡомызт. Иаргьы
дтәомызт, уаргьы уиртәомызт. Ани ҟаҵа, ари ҟаҵа, ани уиԥхьа,
ари ддәықәҵа, уа умтәан, уа умгылан, – абри даҿын иахьа
мыш-мыхәла. Сгәы нкыдгыланы иԥиҵәеит, уаҳа сыламкәа, –
абас ажәабжьҳәара даҿын Бадис. Иара илшо сара исылшо
џьишьоит. Сара сыҷкәынан, иара еилаҩа-еилаԥсы иҟаз, аусура згәы ԥнамҵәоз аӡә иакәын.

Ҽаҩраҭагалан акәын. – Аҳы уҵҟьа! – иҳәан, лаҵгара ҳцоз­
шәа ашацкыраз саб ибжьы аасықәиргеит. Аҵарақәаҵәҟьа
мҿыхацызт адәахьы. Шарԥазтәи ацәа-хаа закәу ззымдырхуада! Иара ацәа иалхәдахаз, усгьы уахынла дыцәаӡомызт.
Ауаҩ иажәрахь данықәлалакь ацәара даҟәыҵуоу сыздыруам, аха… Ишысҳәаз еиԥш, ибжьы аӡаӡ еиԥш иҩасылакшеит.
Сылақәа аахыстшәа зун, аха сеиҭанҭахәхәахт. Знык ибжьы
рганы иаҟәыҵуа иакәызма саб, «О, уара, исҳәо умаҳаӡои? Ас
уҩагыли, дабатәи уаҩы надиу исхылҵыз, – угыл сымҳәеи!»
Дансыӷрымӡааӡа, сиарҭа ԥхаҵәы-ԥхаҵә ааныжьны, сыб­
лақәа рҟәыҷуа, сындәылҵит. Сара сҩызцәа уажәааны зегь
ҭахәхәа ицәоуп.
Амхы ҳаҩҭалан, аԥҳә аизгара ҳалагеит. Ашьыбжьон
агәы­лҳәаразы, аҽада аԥсы анашьо аамҭазынӡа, ҳара аԥҳә
ҳаҵақь иааганы, ҵла дук амҵан еиқәҳажьуан. Илаԥш џьа­
ра иаасыхмырԥо иус дшаҿыц даҿын, саргьы сыҵаҟьара
дахьӡон: «Унымҩа ԥтит, улақәа егьрымбааит. Еиҟараны ишь­
ҭаҵа, иаууеи-иаууеи, иахьа снапы сурҟьашьуеит!..», – абри
даҿын.
Аԥҳә аизгара ҳалгеит. Сан ҿылҭит, шәааи акрышәфап
ҳәа, иара акрыфара аҟныҵәҟьагьы ҭынч-мҩа симҭеит, уалгауалга ҳәа, иара иҿаҵақәа схы иаҟараны, иааиҩыҵәҵәаааиҩҵәҵәаны индәықәиҵан дҩагылт. Гәаҟ-ҵәаҟрыла акраасфан, аԥҳә иркра сналагеит. Аԥҳә анымҩақәагьы дууп,
ис­зышьҭыхуам, икьанта-кьанто, аҷҟарпат иахарԥаны, аар­
лаҳәа исыркуеит. Зны исзышьҭымхкәа исымпыҵҟьаны ика­
ҳалап. Усҟан хыхь дахьықәтәоу амақарра далагоит, иха­
ԥыцқәа аҿҿа рыҵгоит. Ыы, убжьы смаҳауандаз сҳәоит сар­
гьы гәаныла. Амра акәапаҳәа илҭашәеит, саргьы уаҳа злоу
иԥсра убеит ҳәа, скарауараха, аҵыхәтәантәи анымҩа ҩышь­
ҭысхит…
– Шьҭа ашырҳәа уцаны, нахьхьи алтә ааха ду икажьу ааганы, икыдыргыланы сылбаага, аҳы, уажәгьы угылоума уззаӡа,
уҭрыс! – «ихааӡа» ибжьы насықәиргеит. Сара сагьымҭрысит,
ашьшьыҳәа сҿынасхеит, дылбааны сишьыр ҳәа соушәахуаз,
аԥҳәаҟәа ду ақәцә, зда царҭа амам дықәтәоуп.

Акәукәуҳәа дышсыҵаҳәҳәоз мацара, ааха сааиргеит.
Сымч ақәхомызт, ихьанҭан даара. Изулакь аха саҵагыланы
иҩышьҭсырззоит, ашьапы лаҵҟьаны саманы илкаҳауеит: ус
знык, ус ҩынтә, аха иауам, сыбӷа ырхәаны аԥхӡы сҿашы,
маҷк ианышьҭысхлакь ашьапы наҵууаахуеит. «Иаууеи сылбааганы судгыландаз, уара аҷкәын ҳәатәхамҵашәа иҟоу, аха
уабаҟоу акәымзар», – ибжьы лаиргахуеит.
– Сара улбаазымгои ирласны, – сҳәан, аԥҳәаҟәа аҵа­ҟа
ишьҭаз имаҟа иадҳәалаз ифицарцка ду ааҭысхын, ихыр­
ԥшны агәыз ааҭсыргеит. Саб рыцҳа даабылыбаҭан, деи­
лакәымпылны, деихьыс-еиԥысуа аԥҳәаҟәа дахьҳәазаны
абақҳәа дласымҵаҳаит.
Азныказы иаахаҵәҟьаны дысшьыма аасгәахәт, аха иара
деиҵакы-еиҵакуа, иԥштәы ихыгга дҩагылан, арзаақьҳәа
дсықәҳәҳәаны, даасзыҭрыст. Сара сааԥсара зегьы схашҭын,
сԥырны аҩныҟа сҿыласхеит, аха саб ишьамхы иаҳа
иӷәӷәазаарын, дсыхьӡо далагеит. Ари усгьы симпыҵаԥсуазар
акәхап сҳәан, афицарцка харшаланы игәы илыҵаскит.
Адыхҳәа даангылт.
– Иууеи уара… аҩынҟагьы сумышьҭуеи?!
– Уцозар, аа, абырстәи уца…
СЛАСНЫ СААИП СҲӘАН...
Зны, нхыҵтәи аҳ имаҵуаҩы Бадис дааиԥхьан: – Уҽеи­
қәыршәала, егьи амчыбжь азы Аԥснытәи аҳ иҟынӡа уцароуп! – ҳәа иеиҳәеит. Исаҳауеит, саҳ ухаҵкы, иҳәан, даақә­
гьежьны аҩны дааит. Егьи амчыбжь ахь изызгозеи, иахьа
сдәықәымлои, сласны сцан саар саҳгьы сирҽхәап, – иҳәан,
иҿааихан, адырхаҽны Аԥснытәи аҳ иҿы дааит. Уаазцазеи ҳәа
даниазҵаа, нхыҵтәи саҳ саишьҭит ҳәа иеиҳәеит. – Уааишь­
ҭит, аха уззааишьҭи, ишԥауеиҳәеи?
– Егьи амчыбжь азы Аԥснытәи аҳ иахь усшьҭуеит, уҽеи­
қәыршәала ҳәа сеиҳәан, сара уажә иаҳа аамҭа сыман, уаанӡа
сзыԥшрызеи сҳәан, сласны сааит, – наиаҭеикит Бадис.

Аҳ ари акыр аамҭа ҿымҭӡакәа дихәаԥшуан, нас: – Абни
агәашә аԥхьа ишьҭоу ахаҳә шкәакәа усҭоит ҳәа иасҳәахьан,
уи азоуп узааишьҭ, уҽыхәда иаақәкны изга, иҳәеит.
Бадис дқьыԥаха, ахаҳә даҵазза, нхыҵтәи аҳ иҿы днеит. «Иуҳәаз насыгӡеит, саҳ ухаҵкы», – иҳәан, Бадис даа­
ԥышәырччеит. Аҳ ҭынч дымццакӡакәа иҟалақәаз еилиргеит.
«Афырхаҵа! Аҿҳәара иусҭаз уазымԥшӡакәагьы инаугӡеит,
амала, Аԥснытәи аҳ, ари ахаҳә амшаԥы кәтаӷь еиԥш иҟаԥшьӡа
ишәраны дыҟан, ихашҭзаап, иганы, ишәны исзааугозар,
наӡаӡа уаҳа акы уы, ак ҟаҵа ҳәа уасҳәом». – Дгәырӷьаҵәа
инеигӡеит уи идҵагьы. Иаҳгьы ииҳәаз иажәа дамеижьеит,
Бадисгьы наӡаӡа имаҵура дамхын.
АКРААДЫРУОУ…
Бадис ааԥнык азы, ауаа иҟарҵо ҳәа, ашәыр хкы бзиақәа
аахәаны иааиган, ашьыжь шаанӡа дҩагылан, иуҭарҿы пату
ақәҵаны ихәыҵашьшь еиҭеиҳаит. Ахәылԥаз даалаган, рызегь ыҵхны, иааганы ихчаны иргылеит. Ашьыжь дҩагылахын
иаашьҭыхны, дырҩегьых еиҭеиҳаит. Ус есымша иҟаиҵон.
Шьыжьла еиҭеиҳауан, хәылԥазыла иҵхны ихчаны иргылон.
– Уара, зыҩн иҩнанҵәаз, иҟоуҵо змааноузеи?! – ҳәа иа­
ниазҵаа, – Акраадыруоу, цәиккыс иҟоу зегьы уахынла аб­
рахь ибжьоуп, аӡәы иӡар ҳәа сшәоит, – иҳәеит Бадис.
ҨАЖӘИЖӘАБА КӘТАӶЬ
Зны Бадис аус ууам, аҳәыс ууам, зегьы акака ирҿуп, уа­
ра ус удәықәуп ҳәа дыхҭаркит. Бадис инықәиршәын аџьар­
мыкьаҿы днеин, капеик-капеик ҳәа ҩажәижәаба кәтаӷь
аахәаны иааиган, ижәны аџьармыкьа аҿы капеик-капеик
ҳәа аҭира далагеит.
– Узҿу закәи? – ҳәа иазҵааит.
– Аус ууам ҳәа сшәымкуаз, аусура салагеит, шьҭа шәҭын­
чха, – иҳәеит.

ҲАҚЫ ИХАЛА АԤҲӘАҞӘА ДЫЛБААИТ
Ҭемыр иԥҳә зегьы анеизига, игәыла Ҳақы иҟны днеин
диҳәеит, иԥҳә изеиқәиҵаразы.
Агәылеи-агәылеи есымша еицхыраауеит. Ҳақы дааин,
Ҭемыр иҵла ихырҿҿа-аахырҿҿаны, дҩыхәнеит. Ҭемыр ҷҟа­
рапатла аԥҳә ииркуан, Ҳақы еиқәиҵон.
– Уара ус акәым ишеиқәуҵаша, цқьа еиқәырԥшьыхаа
иузыҟаҵаӡом – ани аԥҳә нааны ишыҟоу убоу? Аԥҳәеиқә­
ҵа­разы акгьы уаԥсамзаап, – дааиҟәамҵӡакәа бызла дых­
ҭеикуан. Ҳақы знык ичҳаит, ҩынтә ичҳаит, аха, ҟаҳ, да­ҟәы­
ҵуам Ҭемыр. Шьыбжьаанӡа аиқәҵара иаҿын, еицәҳа-еиш­
ҳауа.
– Уара шьыжь аахыс аԥхӡы сҿашы, скара-уараха суцхраауеит, арахь уҿы ҭыӡәӡәаа усацәҳауеит, сеиқәҵашьа
угәамԥхозар, уара еиқәҵа!..
– Еиқәуҵогьы уаргьы шәысҭахым, уагьылбаазгом, уа
уқәтәаз, – иҳәан, Ҭемыр иҷҟарапат иҟәаҟәа иҩықәҵаны аҩ­
ныҟа иҿыҩеихеит ианалга.
Арха агәҭаны ааигәа-сигәа уаҩ дыҟаӡамызт, Ҳақы днаԥшыааԥшуа иԥҳәаҟәа дықәхеит. Нас атта-ттаҳәа еиқәиҵаз аԥҳә
ыршәны икажьуа мацара, ашьапаҟны длалабаан, Ҭемыр
иаԥхьа аҩны дҩеит.
– Улбаазгада уара, – иҳәан, Ҭемыр Ҳақы днеиҿаԥшит.
– Сыхәнызгаз сылбаанагеит.
– Ыы, ухәнызгаз шԥыкәу?
– Аԥҳә еиқәҵо, сақәгыло сыхәнан, еиқәыхуа, илашьҭуа
сылбааит, – иҳәеит Ҳақы.
ИАСНАҬ ИԤҲӘЫС ЛЗЫ АԤЫЛГЫДЫ ААИГЕИТ
Иҟоуп шьоукы-шьоукы, чаразааит, ԥсхәразааит, иахьнеиуазаалакь, акранырфалакь, акраныржәлакь ашьҭахь, рҭаацәа
рзынгьы аҩныҟа фатәык-жәтәык зҳәаз иеиԥш, изгар зҭаххо.

Иаснаҭ игәылара чарак аҟны, акрыфа-акрыжә даныҩагыла,
«аӡәы изхара анифа иԥсцәа игәалашәон» ҳәа, акәац шаҩы
Гәаџьа днаидгылан: – Уара аҩны иҟоу лзыҳәан кәац ҽыҭк
суҭар, илызназгар лгәы иаамыхәари, – иҳәеит.
Гәаџьа, Иаснаҭ иажәа ҩбамтәӡакәа, қьаадк ааиԥшаан,
инылаҳәаны Иаснаҭ ипалта аџьыба инҭеиҵеит.
– Оо, бара сахьыҟазаалакь сгәы бҭагәышьоуп, бысҭ, бхәы
аазгеит, – иҳәан, иџьыба иааҭихын иналиркит. Иԥҳәыс ақьаад
анаахылт, ԥылгыдык кәац ақәӡамкәа ибаҩашӡа иааӷрылхит.
– Ариаҟара абаҭахыз, џьушьҭ, – лҳәан, абаҩ ныршәны
алақәа инарымҵалыжьт.
– Ҳаи, аԥсра уаргьы саргьы иҳаундаз, – иҳәан, Иаснаҭ
инықәыршәны Гәаџьа дизцеит.
– Гәаџьа, кәац ақәӡамкәа исуҭаз аԥылгыды абасыхәарҭаз
сара?! – иҳәан, дҩыхшәаа днаиҿаԥшит.
– Аԥылгыды иусҭаз хәарҭара аланы, кәац ақәны иҟазар,
уара иусҭозма, сара исымгози, – иҳәан, днаиԥырҵны иусқәа
рахь иҿынеихеит.
ЦҚЬАҴӘҞЬА САЗЫМҴААИТ
Қыҭак аҟны ҷкәынак дҭашыҩкшәа, деилгаӡамкәа изҳаит.
Абри дабаҭнагеи ижәла нымҵәааитеи, гәеилыххарак има­
ӡамкәа, дышҳазӡа ҳәа зегь уамашәа дырбон. Ус, арра ацара
ишықәс аҵанакын, дыргеит. Акыр илҵуазар убрахь илырхып, уахь ицаны иаауа, еилҟьа-еилӷәыцәӡа, иҟәышӡа иаауеит рҳәеит шьоукгьы.
Ус хышықәса нҭакәкәа инҵәеит, ҳарԥысгьы изҳа-зыӷьаны,
дҷаԥшьӡа даакылсит. Агәылацәа неины дырбон. Шьоукышьоукы аҭакәажәцәа дызбахьаз ргәы ирнамырҳәо ицауан:
– Нын, дышԥалмасхеи! Урыс бызшәала аҿҿаҳәа дцәажәо,
ишәу, иҟәну уҳәару! – дырхарҳәацәон.
– Снеипишь, саргьы дызбапи, – иҳәан, Бадис ашә дын­
хыҵит.

– Хорошо видал, (бзиала уаабеит акәхап) – иҳәан, ид­
тәалақәаз днарылҵын, Бадис иахь иҽкынҵа иҿынеихеит.
– Бзиара убааит, уахьцо уаалеит! – иҳәан, Бадисгьы даа­
гәыдикылт.
ԥыҭрак ус итәаны еицәажәон.
– Иарбан дгьылу уахьыҟаз? – еиликаарц иҭаххеит Бадис.
– Урыстәыла ду аҟноуп! – наиаҭеикит.
– Урыстәыла акәхап, аха иарбан ҭыԥу, қалақьзу қыҭазу,
иахьӡзи?
– Аиаша уасҳәап, усҵәҟьа цқьа сазымҵааит…
БАДИС ИАБХӘА ИЏЬМА ИФЕИТ
Ӡнын. Бадис иҭаацәеи иареи ацыфадара иаргәаҟуан.
Ашьыжь шаанӡа Бадис дҩаҵҟьан, иабхәараа рҟны днеит.
– Хар змам сасцәақәак Аҟәантәи исзаараны иҟоуп, қыжәк
суҭароуп абааԥс, мамзар ахьымӡӷ згоит, – иҳәан, иабхәа
Ару­ҭан днаидгылт.
– Иауазеи ахьымӡӷ аагартә, насгьы ақыжә шԥарзаҳшьуеи,
ашьтәа замана сымоупеи! Уара уца, мҿык, мцак неиқәыршәа­
ла, ашьтәа сара исыманы снеиуеит, иҳәеит.
– Мамоу, џьушьҭ, ақыжә рызхоит.
– Изакәи иуҳәо, ашьтәа ҳамамзаргьы иҳаԥшаарынеи,
ишҳамоу ишԥаҳамшьуеи?
– Сыԥсааит иаҭахызар, ақыжә ҳазхоит.
– Аӡәы иҟаиҵеит ҳәа уаҳахьоума ус?
– Уи хьаас иҟоумҵан, са избап.
– Нас иумугәышьозар ибзиоуп, амала сыҩнгьы ирыз­
дыргәышьаӡом асасцәа шаауа, Ҳаԥҭанӡа сымцар ҟалом уск
аҵыхәала, арахь асы каҳаит, хәылԥазынӡа сзымаар ҟалап,
шәарҭ шәҽеиқәыршәаны шәыҟаз, – иҳәан, Бадис агәарԥ
дын­ҭыҵит.
Аруҭан ашьыбжьышьҭахь ишьтәа ахы ианкны Бадисраа рҟны днеин, ишеихьыс-еиԥысуаз илкажьны ишьны, еи­

ҿыҟьҟьа ақәаб илаганы илҭеиҵеит. Нас агәыла-азла, ааигәасигәа иҟақәаз ҩыџьа-хҩы даарыԥхьеит Аруҭан.
Ааилашәшәымҭазы зегь хиан. Бадис даакылсит. Днары­
лаԥш-аарылаԥшын игәы ҩыҭгәырӷьааит!
– Аҳы, имазеизар ҳәоуп шәыххь згеит, шәнеины аҩцараҿы
ҩажәа зкуа аҩеиқәаҵәа хтны иаажәг.
– Ыы, уара, асасцәа ҳарзымԥшӡакәа ҳтәоума?! Уара,
нҵәарак ҳзумузааит,– иҳәеит Аруҭан.
– Урҭ асҟаамҭа ианымаа, даҽаџьара ицазар акәхап.
Аруҭан, удинаныс аиаша шуҳәара, абас асы ԥала-ԥала ҳәа
ианлеиуа, аҩны ԥхаӡа утәаны, аҵәызҳәа аҩы ыжәуа, акәац
ԥых­ха уаԥхьа иқәыжьны, уҩызцәа уанрыдтәалоу угәы иа­
мыхәаӡои?
УУААРАГЬЫ СҬАХЫМ…
Бадис даагылазар, ес-ааԥынра ааицыԥхьаӡа, ацәаӷәагазы
агәылацәа днарылалон. Агәылацәагьы дхьадырԥушамызт,
ирҭагәышьон, ицхраауан.
Ус ишнеи-шнеиуаз, ииулакь цә-уӷәк еиқәиршәеит Бадис.
Ааԥнык зны, Бадис акыр дынзырхахьаз игәыла Басиаҭ
ашьыжь Бадис игәарԥ дааҭалеит.
– Абааԥс, Бадис, сыцәқәа руакы чмазаҩхеит, уцә ауаара
суҭароуп, уаҵәы слаҵоит, – иҳәан, аборахь дынхьаԥшит.
– Абри шьоукы, ауаара, ауаара ҳәа акы жәдыруеит, уаа­
рала мацара узынхом, ухатәы умазароуп, ауаара ҳәа сагь­
шәыҳәом, шәагьсмыҳәан, – иҳәан, Бадис иеигәышә аашь­
ҭыхны аӷьара днықәлеит.
БАДИС ДАЗЫРАЗЫН…
Аԥсны раԥхьа аколнхарақәа анышьақәгылоз аамҭазы,
колнхарак хантәаҩыс иарҭаз аӡәы даханы, Анцәа исиҭеит
ҳәа, ауаа рмал афара далагеит. Уи данахагылоз аиқәа

иашаҵәҟьа ишьамызт, хкыдкыларҭа имамызт, ус колнхаҩык
иҩны дыҩнан.
Шықәсқәак рыҩнуҵҟала аҩны еихачаԥа ӷьазӷьазуа ақы­
ҭаҟны ихазы иргылеит, машьына ласык иҵԥраауа инаи­
ҵагылт. Анхацәа рҟынгьы ԥагьашақә ихы ныҟәиго, аиҳаби
аиҵби ирықәнаго аҳәара, аҟаҵара ицәуадаҩны дҟалеит.
Анхацәа еигәныҩны азеиԥш еизара ҟарҵеит, уи ахантәаҩы
иамхразы. Ҳаифеит, ҳақәихит, наҟ дамҳәаны дкашәыжь ҳәа
ажәлар еицҿакны игылеит. Аха абжьыҭара ианарҭа Бадис
дшазыразымыз ала инапы шьҭихит. Уи ус иҳәеит:
– Сара, дад, исҳәо хашәҵозар, дамшәымхын ҳхантәаҩы,
избанзар, уи ауаҩ шьҭа иҽеибиҭеит, изхара ифеит, усҟак
дшәарҭам, дамшәхыр, даҽа цәҳәык даҳзааир, уигьы ари
иҟаиҵаз ҟаиҵаанӡа афара даҿызаауеит, ҳагьаақәнахӡоит,
сазыразым иамхра.
Дамырху, даанрыжьу, аиашазы, иаҳгәалашәом уажәазы,
избанзар, уи даара акыр ҵӡоит иҟалеижьҭеи. Иахьа ҳколн­
харақәа рҟны уи аҩыза ҭагылазаашьа ҟаларым ҳәа ҳгәы
иаанагоит, аха сеидроу…
БАДИС ИДЫРТ
Аколнхара аусҳәарҭа аҿаԥхьа аколнхара ахантәаҩы
ишьа­пы ала шацҳаз иалацәажәон.
– Иаапкны инылаҩрыша, иабаиднагалеи уара, имашьына
иҭаланы ицҳарызу?
– Алашькьынтыр анцәа иазишааит, акраадыруоу из­
лаицҳаз, имашьына изҭаларымызт, аха икабинет иҩнала­зар
акәхап… Аха ус ҳҳәаргьы, уахь аҩналара мариам, насгьы
икабинет ашәҵәҟьа инхгылоит имашьына.
– Иарма акәу, иарӷьа шьап акәу изыцҳаз сашәҳәар, уи
ахьыҟалаз адырра мариоуп.
– Иарӷьа шьапы ҳәоуп ишырҳәо.
– Аа, ус анакәха, абра аконтора аҟноуп иахьицҳаз. Ароуп
иарӷьа шьапы адгьыл иахьықәирсыз, иарма шьапы икабинет

иҩнагылоит усҟан. Иаапкышагьы уи адыруан, ара икылԥшуа
итәазаарын умбои, ишьапы иаакылирҳәҳәаз иацрасит,–
идырит Бадис.
– Ауп, аха иазиухьааз уи ала цәгьарас?!
– Ирҳәоит, уи ала зтәу иџьмақәа рыхә имоузт азы ила
ишьа аируит ҳәа.
АИҲАБАЦӘА АКРЫРФАӠОМ
Сара иахьа ужәраанӡа аиҳабацәа акрырфоз џьысшьон.
Саб иԥсаныс аиаша шысҳәо, акрырфаҵәҟьоз џьысшьон, аха
имп, баша сгәы сажьон. Агәаанагареи асамарҭали хәыкишьхаки рыбжьазаап. Аиҳабацәа ҳәа сара сызҿу азеиԥш
крыфарҭақәа рҟны диреқторцәас аус зуа роуп.
Урҭгьы ҳара (арҵаҩцәа) ҳаиԥш амаҵура иалоуп. Есымза ауалафахәы рзыԥҵәоуп, ауалафахәы анаҩсгьы… (ҳабз
бааӡоуп ҳәа иаҳзымдыруа ҳзалацәажәои… аӡәы иҭахи­
ҵәаан­ӡа уа ҳҿы иааҭаҳкып).
Шьоукы исымаркуеит, исымаркуеит моу, сҿы хьыржәоит
иуҳәо иашам ҳәа, адиреқторцәагьы ҳара ҳаиԥш иуаауп,
акрырфоит ҳәа. Ибзиоуп. Минуҭк иадамхаргьы сақәша­
ҳаҭ­хоит уи. Акрырфозааит, нас ирзыҳалалхааит. Аха ак­
рыр­фозар, акрабарфо нас? Акрырфозар џьара акрырфозароуп, акрырымфозар џьаргьы акрырфом ауп. Амала, еи­
ҭасҳәахуеит, шә-ныхак рҟны снеины сықәуеит урҭ акыршырымфо ҳәа.
Абар сара излеилыскаазгьы урҭ акыршырымфо.
Смаҵура аҭыԥ ааигәара, акрахьысфалоз акрыфарҭа ади­
реқтор мызкынаҟьак сылақәа кылырҳәҳәа сишьҭашәа­рыцон
акыршифо дысзақәкуазар ҳәа. Иҩнгьы идәынгьы уи ауаҩ
акрифо зымбеит.
Хәылԥазык, ишыҟасҵац еиԥш, снеит уа крыфара. Аԥасақәа
ауаа зегьы срылатәаны акрахьысфалоз акәымкәа, хаз акабинет хәыҷқәа иамаз акаҟны снеины снатәеит. «Иуҳәац ҳәала»
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3393
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3522
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2433
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3475
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2409
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3457
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3453
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2377
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3437
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2347
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3521
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2405
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3501
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2411
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3518
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2339
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3488
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2464
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2361
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2367
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3443
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2427
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3471
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2423
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3495
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2443
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3465
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2420
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3521
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3510
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3488
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2365
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3590
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2501
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3494
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2381
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3538
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2034
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3418
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2043