Latin

Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04

Süzlärneñ gomumi sanı 3475
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2409
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
ҳашьҭаӡам, акы ааҳаласзар ицап, уажәы аус мшха ахәшәтәцәа
ирышьҭалода ҳҳәоит. Ҳхы аҵкьыс еиӷьаҳшьо сыздыруам.
Нас ҳанакӡалакь, аԥсрахьы ҳхы анҳархалакь, ахәшәтәцәа
ҳрышьҭалоит. Ахәшәтәҩы аԥсы дизыргылондаз… Кадыр,
сеиқәа уханы ихысшьит, аҭаҭынҭра ҭыхны исыҭи, акы самыхар ауам.
Аҳмаҭ акыраамҭа аҩада игәы рханы, аҭаҭын лҩа алашьцара жәпа иалаиҵон.
– Уеизгьы исзеилымкааит сара, уара изухароу…
– Изхысҳәааз умбои… ҟәҳәы-ҟәҳәы, ҳаи, уҵамшәааит,
узырџьбаразеи арсҟак…
– Наҟ уаҟәымҵуеи убри аҭаҭын, ма џьара акы иухәонда.
– Иҳахәоит ҳәа акәу џьушьо, ҳашьцылеит, иҳазкажьуам.
– Аҭаҭын ахара ҽеим ҳәа араион аҟнытә аӡәы дааны
ажәахә ҟаиҵон, уҟазу сыздыруам усҟан.
– Сыҟамзи…
– Нас, ииҳәаз умаҳаи шаҟа уаҩы изеицәоу ҳәа.
– Уи иара имҳәаргьы сара издыруеит, уи аҵкыс аарыхра шәаҟәыҵ иҳәар, адәқьанқәа рҿы аҭира иааҟәихыр, убри
акәын аус. Дәқьанцыԥхьаӡа, зеиуа уҭаху асахьа ԥшӡақәа
рынҵаны иқәуп, иамыхауагьы данархартә, уи иаанагои?
– Иаахә ҳәа аӡәыр уикыма?
– Сашьцылеит, нас сушьуоу, иамышьцылац амышьцы­
ларазы наҟ зынӡа иқәгазар акәымзи… – даахәыц-хәыцын
деиҭа­налагеит, – Манча рыцҳа итәы акәын иаҳҳәауаз, абас

иԥсра ҩымзҟа шагыз са сҟны дааит. Ҵаны, дара рҟны сым­
неижьҭеи ҩышықәсаҟа ҵуан. Ҳаилахоуп нас, иубац, иуаҳац,
аҩны уҳәа, аколнхара уҳәа – аусқәа нҵәаӡом… Иахьауаҵәы шысҳәоз сынхеит. Иара иԥҳәыс дааигаанӡагьы ачымазара иласны дыҟан, аха ихы дашьҭамлакәа ус дааиуан.
Аиеи, дааит ҳаҩны, аха дысцәҩашьарц аԥсык аасыгхеит.
Илакыҵақәа ҵиаҵәааӡа, иблақәа наҟ инаскьацашәа, ихь­
шәашәаӡа, инацәкьарақәа анааидикылалак аҷҷа рыхга.
Ауха дысҭан иара. Кәтыкгьы изаҳшьшәа аауит, аха иифаз
ҳәа уаҳа ҳақәшәира имфааит. Ауха снаҩс дсыриеит ҳазхара
ҳаицәажәап сҳәан. Кадыр уцәахьоума?
– Иҳәала, иҳәала, сӡырҩуеит…
– Аҵх акыр инеихьеит, усмырцәеит уаха, аха абри цәгьа
сгәы иҭыхоит, аӡәы иасҳәар, нас хәыҷык сгәы аԥсы ашьазшәа
сҟалоит.
– Иҳәала, иҳәала, Аҳмаҭ, сузыӡырҩуеит, – хәыҷык ушьапы арахь уааха, ахыза ақәҵит…
– Усҟәаҵ, џьушьҭ, егьаурым…
– Амала, убжьы маҷк иаармаҷшәа иҳәала, ҳнаҩс ицәоу
мҿыхааит.
– Урҭ хәыҷык ыжәны иҟоуп, ицәоуп, ираҳаӡом. Ҳара
аԥсхәраҟынгьы маҷк ҳаибарԥхашьашәа аҩы еимаҳамкуеи,
урҭ аҿаасҭарақәа ҳазкажьуам, иалухузи. Ауаа раԥхьа ҳаиқәа ҳазҳашьхуам, ауаа иҟарҵо ҟаҳҵароуп ҳҳәахуеит…
– Уи ҳа ҳауми, аӡәыр иауихараху, Аҳмаҭ. Аԥсра иақәшәаз «са сҟны аума акрыфара иахьаҟәышәхуа, илымшеит
ҳәа ауаа схыччаларц уашьҭан, уи зегьы анаҟәыҵлакь саргьы
саҟәыҵп» иҳәауеит. Иаразнак ала зегьы аҟәыҵыртә иаҭаху
сыздыруам…
– Ус ҳнеилап, мышкы зны ҳаҟәыҵуазар акәхап, аха
уӡырыҩла абааԥс, Кадыр, Манча рыцҳа исеиҳәаз уасҳәап.
– Сымӡырҩуеи…
– Ишысҳәаз еиԥш, Манча рыцҳа снаҩс дсыриеит. – Аҳ­
маҭ апах-апахҳәа инҵәаз иҭаҭын инеиқәырццакны дна­
ҿы­хан ирцәеит. – ԥыҭрак ҳанеицәажәа ашьҭахь, сызааз
удыруоу, саншьа Аҳмаҭ, иҳәан, имчыдаз иҭаҷкәым раҵәа­

шәа ихы инаҵаргылашәа даасҿаԥшит… Сара дук хара
имышьҭыкәа сыԥсуеит ацхыраара смоур, уара усаншьоуп, –
деиҭанақәыӷәӷәахт ари ажәа, – ҩышәҟа мааҭ аԥара сзырхиа,
уажәы аԥара ҵәахны ишумам здыруеит, аха ԥсыхәа сызу,
мамзар сыԥсыр ԥшь-шьапык зҵоу акы ахы уахо иума унеиуеит, усҟан уара иумаз, сара акгьы исыхәаӡом. Ахәышәтәцәа
рҟны сыҟан ааигәа, ҳарҭ усгьы аԥсра ахықә ҳанықәгылалакь
ауп урҭ ҳанрышьҭало, дгьыл харак аӡбахә рҳәеит, ацара
аҭахуп ҳәа. Арахь сеиԥшӡам, урҭ ирҳәаз ҟасҵар, хымԥада,
маҷк снеир ҟалап… Нас ҳамԥсыр ҳмеихәари, ус инсыжьрым.
– Ааи, ахәаша маҷк дааихәлахан умбои, усгьы дагь­
малдаҵәҟьаны дыҟаӡамызт, узицхраару нас?
– Уи ауми сызмырҭынчуа уахгьы-ҽынгьы, убри ауми сара
дысшьызшәа сгәы иабоит ҳәа зысҳәо. Дсыргәыӷт сара Манча, хара имышьҭыкәа сара исыманы сузнеиуеит ҳәа иаҳәаны
дсышьҭит. Аиашазы, аԥара скымызт сара усҟан, аԥсахрагьы
сашьҭамлеит, исҭиша цәҵыск, сынтәа ҳанӷыҵысыр узланхаша сыман…
– Ыы, уи ауха ԥсаҭатәыс иаагаз ауми?
– Ауми, ауми… Амҽышаз ақалақь аҟны изган ҩышә мааҭ
инаҿасыршәын снагылт. Ахәаша, ҩышә сҭахуп ҳәа сеим­
ҳәази.
– Ҩышә еиҳангьы иаԥсан, Аҳмаҭ, иузымҭиит акәымзар…
– Уи аупеи исыхь. Аӡәы анс иҳәеит, аӡә арс иҳәеит... Аиашазы, аџьармыкьа ҽеимызт уи аҽны. Егьи амҽышазы иаазгап сҳәан, аҩныҟа исыма сааит.
– Егьи амҽыша захьӡыз абга ирфаша, иахьынҭыҵыз
имааит, алада сҳәеит, аҩада сҳәеит, аха исзымԥшааит. Ус
мчыбжьы наҟьак сашьҭан, иара ҳгәылара Камшьышь ижә
цәтәуазаарын – иаҿцаауан, уахгьы ҽынгьы уа ахкаара
иҭан. Ашьҭахь, Камшьышь, уцә аныҟәгара са исықәымзар
иум­го ҳәа ҽнак исеиҳәеит. Уи ашьҭахь иааиуаз амҽыша
ис­наҭалакь снаҭааит, изгап ҳәа сгәы ишҭаз Кьагәа ачаразы дааины исеиҳәеит. Уа умцаргьы аԥхашьара, акаамеҭ.
Ҳшынҭаацәаз ачараҟны ифо-ижәуа ҳтәан, усҟан саҳәшьаԥа

Манча аԥсхыхра даҿуп ҳәа ауаҩы даарышьҭын, ҳгәылара
иҳәаны дцеит. Адырҩаҽны сқьаф ӷәӷәала иҟаҵаны аҩны
санааи, ашәаџьҳәаҩ агәарԥ дыҩҭалеит уаҳәшьаԥа дыԥсит
ҳәа!.. Ишԥоубо ари, Кадыр?
– Ааи рыцҳа, ҵаны, иулшоз ацхыраара иуҭар, акыр ихәозу
анцәа идыррын, аха уара абас угәы уахаԥжәо унхомызт,
уажә уи аԥсра уара иухароушәа угәы иабо уҟалеит…
– Ас иаарласны ишыҟало здыруазҭгьы сыҩны-сгәара
ҭитәызаргьы исымҭиуази. Иумбои, иара разҟыда иҳәан
еиԥш, ацә ахы ҳахо, иааганы иԥсы иаҳҭеит, уахь иҟоу далхымзааит…
– Џьанаҭ гыларҭас анцәа ииҭааит, ус иҟалараны иҟан…
Уцә, Аҳмаҭ, аҵых акыр инеихьеит…
Аҳмаҭ аҭӡамцахь ихы ныкҿакны ихыза наикәиршеит
сзыцәозар ҳәа, аха акраамҭа дзыцәом, дбырџьеиуеит. Аҵх
агәы еиҩнашон еиԥш дынҭанагалеит… Ибеит аԥхыӡ: Манча
анышә данарҭоз аҽны акәхуп. Аԥсы ддәылганы ашьаԥа аҵаҟа
дықәуп. Ҩыџьара рыҽшаны «ауоу» зҳәо еихык-еиҵыкны
итәоуп. Аиҳараҩык рӡамҩақәа, рылахьқәа цәыххаауп, рых­
цәқәа рықәԥсоуп. Аԥсы абрылеи анрылеи изааигәақәоу
аҳәсақәа аԥхьатәи арад аҟны итәоуп. Урҭ рнаҩстәи арад
аҟны итәоуп «усҵәҟьа» игәакьақәам аҭынхацәа, аха «ауоу»
ҳәараҿы иманшәалақәоу уаауп, уи ала инаԥшуа ирзызҳәо
ыҟоуп «игәакьацәоуп» ҳәа. Рнапқәа ргәыҵаԥса ирацәаҩны
еилагылоуп ахаратәқәа «анеихьшь ааихьшь», руацәа, урҭ
руацәа. Уаҟа имаҷӡам излеиуацәоу цқьа иззымдыруа, аха
гәлымҵәахк дыԥсит, ауаа рацәахоит, ҳанрылаԥшып ҳәа иааз
ауаагьы.
Агәашә иазааигәахоит гәыԥҩык аҳәсеи ахацәеи. Иуаҳауеит
ашьҭыбжьқәа. «Аҳы, аҳәсақәа аԥхьа шәҿынашәха». «Макьана
аҳәҳәара ҳалагару бара?» «Шьҭа ҳааит, бымбаӡои, ицәырга».
Акасы еиқәаҵәа лылахь илҭахаланы ԥҳәыск, маҷк раԥхьа
даа­гылашәа иааҭлырҟьоит даҵаҳәҳәаӡаны, лӡамҩақәа да­
хь­­рыхауа лыхгьы уахь иацлырнаауеит, иҟалап аԥсы днаи­
ха­гылаанӡа лхы-лҿы цәа ақәымкәа ицәлырҳәыргьы. Аха
иладраӡом лара илыцу аҵәуацәа. Наҟ-ааҟ лнапқәа ааныркы-

лоит. Урҭ «рымч лықәымхазар акәхап» – аԥшәмацәа рахьтәгьы
ҩыџьа рҿаархоит. Урҭ данааныркыла, егьырҭ дааурышьҭуеит,
нас даргьы рыӡӷы иахо, егьырҭ ирыцу рыбжьы рықәыршәаны
рҿынархоит. Аԥсы ианихагылалакь, аԥхьа игылаз аԥҳәыс
аҽшьра иақәылкӡоит, аха лҽылдыршьуам. Асакаса иаҵатәоу
«ауоу» ҳәара иаҿуп, арҭ агәарԥ иааҭалеижьҭеи. Усҟан ирыцыз ахацәа рҽааԥхьакшәа агәарԥ аҟны џьара еикәагылоуп.
Урҭ зырҵәуаша арԥарцәа ҩыџьа-хҩы рҽырмазеины игылоуп.
Ахахәы змоу еилажәжәаны ирҿаԥсаны рхы иасуеит. Ахахәы
змам аҭаҳмадцәа лассы-лассы рхы иасӡом, знык инасны
иадкыланы иркуп.
Гәыԥҩык аҳәсақәа ҵәуаны иаақәҵит. Нас инаԥшы-ааԥ­шуа
издашшылатәу инаидашшыланы, «рылаӷырӡқәагьы» дрыц­
қьауашәа, ажәлар инарыла-леит.
– Бара бышԥаҟоу, сбыкәхшахааит, шәыҩны сымнеижьҭеи,
иҵӡозеи, ишыббо аколхоз ҳаунашьҭуам.
– Хар ҳамам сбыкәхшааит, шәа шәышԥаҟоу, ахәыҷы аду?
– Акрыфара ҟарҵагәышьозар акәхап?
– Ааи гәышьа, акрыфара ҳәа алумааҭ инаркны иаарымгаз ҳәа иҟоузеи. Аҳәсақәа аҩы зымжәуа рзы иааргеит, уи
уажәааигәоуп иаԥшьырго ианалага, шәа шәахь иҟарҵоу ус?
– Макьана иаламгацт, аха иалагозар акәхап.
Амшын цәқәырԥоит, аха аԥсыӡ ашьшьыҳәа иӡаауп. Уи
иаҩызоу ауаагьы уԥылоит ара. Ус иҟоу ауаа, «ауа иуа ка­
сыжә маҟа» ҳәа изышьҭоу роуп. Урҭ аандақәа ирыварҵаз
ақыдқәа ирхарыԥхушәа еиваӷӷа ирықәтәоуп. Иаауҭаху зегьы ирылацәажәоит, акы ишазыԥшу рдыруеит, аамҭа рхыргоит. Иццакуа аӡәык-ҩыџьак ацара зҽыназызкуа, инеидкыланы џьара инадыртәоит. Арҭ аԥсы анышә дарҭаанӡа
изымԥшқәо роуп, аха уаанӡа инхалақәогьы ыҟоуп. Зқьаф
ҟаҵаны, алаф зҳәо зыҩныҟақәа рахь ицо маҷӡам. Маҳҭы
уа­жәа ԥхыӡ иибо абжьааԥны лабҿаба дызлагылоу ауп,
аха уажәы инапсыргәыҵа иқәҵан, илаԥш иналырҟьаны,
инарҳәы-аарҳәны иҽеибыҭаҵәҟьаны дазкылԥшуеит даҽа
блақәак рыла. Абар, гәыԥҩык аҳәсақәа раԥхьа игыланы
еимырхха иҩаргоз аԥҳәыс дахьибо. Инаҩс ашыш гәараҿы

ԥҳәыск дыхәшаханы дыкны длацәажәоит: «Уи аԥҳәызба ара
ишлааирҭаз здыруан азоуп аиҳаракгьы сзааз… еиқәнагом
бҳәарцу бара?.. Иара ҳаҷкәынгьы даазгеит, дырҩегьых инеи­
қәҳарԥшқәап».
Ааи, Манча рыцҳа, узҵәуарц иааиуа ауаа зеиԥшрақәада,
инаушьҭаргалааит.
Маҳҭы арҭ днарыдҵны аҳәса ахьтәаз днарывалеит: «Бара,
ҟәыд хәыҷык сзанҭәала абааԥс…» «Иамх, иамх баҵәца,
аԥсаҭазы иҽеим рҳәоит…» «Ҩба-хԥа ҳамжәыкәа, ари ҳара
ҳзоупеи изыҟарҵа», «Бара, сыблахаҵ гьежьуашәа избоит,
сашьит ҳәа сыҟоуп», «Ус бымҳәан, бызшьуа ибыжәхьеи макьана».
Маҳҭы изымчҳаит. Илымҳақәа кны наҟ дырԥырҵит. Убри
аамҭазы аҳәиҵәҳәа имааиц рацәаны агәара иҭало иалагеит… Арҭ закәытә уаажәлаху збап иҳәан, Маҳҭы инапқәа
игәыҵаԥсаны дрыхәаԥшуан. Урҭ авенокқәа зкыз ыҟан, ус
гәыԥ-гәыԥла аҳәсеи ахацәеи еицны ашьаԥа иныҵалон. Иҳә­
ҳәомызт, иҵәуомызт, ҳамҭакы аԥсы инеихагыланы игье­
жьуан. Зылаӷырӡ аауаз ыҟан – имаауазгьы ыҟан. Аԥсы иани­
хыҵлакь, рыла рнапы адкыланы, рԥынҵақәа ԥссо, рчабрақәа
рыҿшьуа, аганқәа ирывалаӡомызт. Ахылԥақәа зхаз, астол
иқәхны иаҳзааргарушь ҳәа иԥшӡомызт, рхала инеины иааргон. Нас издышшылатәу агәакьақәа инарыдышшыланы џьара иааикәагылон. Рыбжьы мырдуцәакәа ԥшьшьала
еицәажәон. Урҭ снарывагылап, излацәажәоз саҳап ҳәа Маҳҭы
ашьшьыҳәа днарывалеит. Ажәақәа рцыԥҵәахақәа ракәхын
иаҳауаз. «Ааи рыцҳа, дуаҩ бзиан, иаамҭаӡамкәа дҭахеит».
«Ацхыраара иҭазар даҽа ԥыҭк днеиргьы ҟаларын…» Маҳҭы
дадырсызшәа даанхеит ари ажәа аниаҳа. «Еҳ, усгьы ҳгәы
иҭагәышьамзи, аха ҳахьымӡеит…» Маҳҭы уаҳа аӡырҩра
илымшазт, маҷк днарԥырҵит.
Аԥсы анышә дарҭарц дрыма идәықәлеит. Аԥсы днаскьазгоз рацәаҩын. Урҭ аиҳаракгьы аҵыхәтәан иааиқәаз ракәын.
Акрыфара иаҿызгьы маҷҩымызт арԥарцәа, еиҳабык дрыцны
рмахәарқәа хьашьшь, имтәац ауаа рхәы дырхион…

Аԥсы анышә даҭаны игьежьит. Ҩыџьа-хҩы ахацәа, «аӡә
дмыртәакәа дшәышьҭыр ҟалаӡом» ҳәа иазыҟарҵаз рҽаз­
ҵәылхны агәашә ааигәара игылоуп, џьоукы ҳтәаӡом ҳәа
рҿынархоит… «Ус иҟалом, ҵәыцак хымҭәалакәа», ҳәа
ианаарҿагылалак, инагьежьуеит – даара иҳәатәхаҵацәоуп
дара… Аҵыхәтәан иааиқәаз ашырсырҳәа агәашә илҭыҵит,
ишырхьынԥашалаз. Аӡәгьы дгәаан, «аӡы шцара шәцеит»
иҳәеит инхәыҵакшәа.
Ажәлар тәеит акрыфара. Маҳҭы имуит, дымтәеит. Иҽӡаны
абаҳчахь дцеит. «Арҭ ҩынҩажәамш, аԥсхәы егьи ҳәа акыр
ргәы иҭоушь бара?» «Ыы, аԥсхәы рымукәа, ауаа раԥхьа
реиқәа рышьырхуама!» Абарҭ ажәақәа илымҳа инҭасит
Маҳҭы ицамҭазы. «Ауаҩытәыҩса уицхраартә уалаҟамзар
ихьаагала, уицхраартә уаныҟала уеигәырӷьаны уицхраа,
уи еснагь дрыцҳаны дынхаӡом, дҭыҵыхуеит ҩаԥхьа. Сара
саҳәшьаԥа ацхыраара ацынхәрас деимысҵәеит, акрыфара ҟаҳамҵар жәлар раԥхьа ахьымӡӷ аагома ҳәа слагылан, ирымаз ахәыҷы лаиқәырӡны инатәеит. Уажә аԥсхәы
аӡбахәгьы рҳәоите, ус акәында. Мап, мап, уи сурым са сеи­
бгазар». «Мап… мап, иаауам аԥсхәра, шәыла хышәт, шәа­
наџьалбеит, ҳахьнеихьоу шәымбаӡои, амза ашьҭахь апатреҭ
ҭырхит ауаа, ҳарҭ ҳцәымзақәа ххаӡа, ҳашьтәқәа рхы ҳахо
аԥсхәы аауеит ҳәа ҳзаауам!» «Шәысԥырҵ наҟ, изуӡом,
мап, – маап!..» – ишилшоз дрықәҟааит, ацәагьы даалнахит.
Дышҳазӡа, илақәа шәаԥырҳаԥуа аҭуан даҵаԥшит. Дахьыҟаздахьаныз еилиргаанӡа диан, нас ишьапаҟны ицшьҭаз Кадыр дмырҿыхакәа ашьшьыҳәа иҽааилаҳәаны дындәылҵит.
«Мап, маап, аԥсхәы шәсыруӡом!» – иԥхыӡ ажәақәа аӷьеҩҳәа
илымҳа ишҭасуаз аца шгылаз иҿынеихеит. Аӡәык ҩыџьак
агәыла ҳәсақәа ааихьан аԥсхәра ацәынха еилдыргаразы. Маҳҭы ацалаҟьаҿы акы илаԥш надхалт. «Мап… мап…»
– илымҳа иҭаҩуеит. Ацалаҟьаҿы ицә-ҟата ахы хырффаӡа
иқәуп. Азлак ҵакны, илацәҟәуашәа, ахаҿы ыргызмалшәа
ихәаԥшуеит. «Ҳамҭакы уаамыццакын, Маҳҭы, – аҽыҩҳәагьы
иаалацәҟәызшәа ибеит, – сыхгьы узыржәуеит, ҵәыцақәакгьы

ныхҭәаланы уцап, иҵасым». Абас аҿҿаҳәа иаацәажәазшәа
игәы иабеит.
Даақәгьежьын, уаҳа ажәак мҳәакәа, аӡ хьамԥш ааигозшәа,
агәарԥ дылҭҟьеит Маҳҭы…
АҾЫМҬРА ЕИӶЬУМА?
Ааԥнын. Уаҭҳара ақыҭа аҵх лашьцара нахатәахьан.
Абыџь­ба Басиаҭ имаҵурҭаҿы дтәан лассы-лассы цәажәара
аб­раҟа иаалоз агәыла Џьыгрыц. Басиаҭ иҭаца Надица ак­
ҿаҩра икҿагылаз адулаԥ дҭан, ак рыцқьо, ак ӡәӡәо. Уи лха­
ҵеи ланхәеи џьара ицан аҩны иҟаӡамызт.
Ҵа змаӡам ажәҩан иаҵәа ҭбаа ду еилаарцыруа иалачаԥаз
аеҵәақәа, аԥырӷқәа реиԥш, еиҿаҷҷо иԥхеи-ԥхеиуан. Знызынла акы лкыдшәаны амца ацырдды, икахәхәа аҿыла­
нархарын, ишлеиуа илҿыцәаа ицахуан. Ари еиԥш аҵх ссир­
қәа Аԥсны акәымзар џьара иубашам. Аԥсабара зегьы араҟа
аԥсҭазаара угәанарԥхон.
– Аҭаца ссирҵәҟьа дааугеит, Басиаҭ, заҟа лыбаҩ лцәы­
ласузеи!
– Аҭаца ҳәара зқәым лоуп, аха сшәоит дыбжьырхар ҳәа.
Абар, шықәсык еиҳауп даанагеижьҭеи, уажәыгьы дцәажәом.
– Ушаҟәыҵра, ус ихәарҭам. Басиаҭхеит, шықәсык аума
шәышықәсагьы аҭаца дҭацоуп, иаабац, иҳаҳац. Ишԥыкәу
лабхәа диҿагыланы дышцәажәо! Иара са сҟынгьы акәзааит,
илсыруам, илсыруам ахаангьы. Аԥсуара каужьырц угәы
иҭоума абаак. Ееҳ, ажәытәра, ажәытәра бзиахә! – Џьыгрыц
игәы аҵанӡа ахәхәаҳәа даақәԥсычҳаит.
Ауаџьаҟ аԥхарра рҽаҭаны, аҭаҳмадацәа ишашьцылаз
еиԥш, ргәы ҭыӷьӷьаа еицәажәон, ргәаанагарақәа еибыр­ҳәон.
Надица, дышьқьыруа, абысҭа днахаххит, амҳаԥ аларгьежьуа иааилалгӡеит. Нас, ачуан ахы амҳаԥ нықәшь-аақәшьуа
иааӷьӷьаны, инеиқәшьыхааны, агәҭа ааизыҳәҳәашәа, ихә­
зым­пашәа иныҟаҵаны, амҳаԥ налалыршьшьит. Иаргьы

ԥшшыт арган, маҷк илеиқәаҳан, ахылҩаԥсылҩа ахәхәаҳәа
иҩоу­нашьҭит.
Нас абҟәыл дынҭалан, ашьамашәыга зыхьшьыз ахәыл
былгьаӡа апырпылырҵә амца ахҟьо инадкыланы иааҭылган,
аишәа инықәылҵеит. Аҳәызбала ацәа џьаџьа нахыхны,
еилԥхаауаз ахәыл ҟаԥшьшьӡа, еиҩырсса ачанах инанылҵеит.
Аҟәыд ахәаҭаҳәа ишуа иқәгылоуп. Агаз ххаӡа ауаџьаҟ ахы
иқәгылоу, инҭыԥауашәа алҩаҵә наунашьҭлон. Ацгәыӷра ду
аншәа, аҵаҟа аҵыхәа ыршаны иаваҵаны итәаз, алымҳақәа
хахаӡа абла ҟәбарқәа неиқәыԥсо, ауаџьаҟ аҿы икнаҳаз
абысҭа иахәаԥшуан.
– Дад, бнеины, ҩык ҭыхны иаҳзааг, акы ҳнарцҳа, – иҳәан,
иҭаца дналыхәаԥшит Басиаҭ. Џьыгрыцгьы маҷк иудырратәы
гәахәарак ихы-иҿы ааимнадеит, акҷыра рацәа ирныз ааималеит.
Ахәылса ҟаԥшьшьӡа иибаз иҿаҵа ахәхәаҳәа аӡы аанаго
дтәан.
Надица дааихытарын акәыркәма адулаԥ иааҭылган, газ­
ҭрак аркны, иаашьҭыхны наҟтәирахь аҩцара дныҩналт.
Лгазҭра хәыҷы ҭааӡа алҩаҵә ахәхәаҳәа еикәаҵәиуа изхыл­
ҵуаз, ауалыр ду аԥхьа аҟәардә инықәыргыланы, аԥхныга
хьанҭа аашьҭыхны, арыԥҵә ҟәазӡа ауалыр ахҭаса аҵаҿы иамаз днас-аасуа днадтәалеит.
«…Аҭаца дышҭацоу злоудыруа лҿымҭра, лыпату қәҵара
егьи уҳәа ауп»… – Џьыгрыц иажәақәа хәанчаӡа Надица
ллымҳа иҭаҩуан.
Абар, шықәсык ҵуеит даанагеижьҭеи. Уажәыгь дцәажәом.
Ус ихәарҭам. Лабхәа ииҳәақәоз хааӡа илаҳауан. Уажә ланхәа
дыҟазар, хымԥада, Џьыгрыц дидгыланы ицлырӷызуан.
Арыԥҵә уа иамаӷьазшәа акәын ишымҵысуаз. Ԥыҭрак
иаарыӷәӷәаны арыԥҵә ахы длықәс-ҩықәсит. Анахь ирҳәозгьы
дазыӡырҩуан азы, арыԥҵә дахьасуаз акаҩ-акаҩҳәа уажә­
раанӡа ианҭылхуаз абжьы шгалоз еиԥш акәымкәа, уаха
идагәаӡа абжьы шгоз лмаҳаӡеит. Нас асра дааҟәыҵын, ларма нап ала арыԥҵә хьшәашәаӡа иаанкыланы, днаха-аахеит.
Арыԥҵә ацымхәрас, аҭаца напы ԥшқа натры-аатрит ауп,

арыԥҵә уа иаласазшәа акәын, иагьагәаламшәеит. Дырҩегьых
аԥхныга аашьҭыхны, лгазҭра дааханы, иҵегь иаармычны
арыԥҵә ахы днықәсит. Ҟыгәҳәа идагәаӡа шьҭыбжьык на­
хылҵын, арыԥҵә апҟаҩҳәа инамууаан, алашьцара ина­
лашәкәеит. Зыԥсы амкуа иҭахәаҽны ауалыр иҭаз аҩы, еилашуа игыланы аҿаанахан, Надица лгазҭреи лҟәардәи
хыршәҭны илкажьны, ихьшәашәаӡа иҩылгәыдыҽҽалт. Азныказ даагачамкит. Ишԥаҟалеи абас?! Иасуаха иҭылхуан,
аха арыԥҵә анамылхлакь ахәхәаҳәа акәын ишааиуаз. Уаха?!
Изхылхыц ауалыр ду аупеи. Абар иҟалаз: лхаҵа ауалырқәа
еиҭакны, зегь ари иҭаҭәаны ирҭәызаап. Уи лара иалылдыраауази, илымбазар, илмаҳазар.
Аҩы кылхәраа ицоит, аха уаӷеимшхара. Надица дшы­
неибакәыз лҽынаԥыралыжьт акылҳара лшәаҳарц. Ҩынҩа­
жәа ԥҳал аҩы амч анкылара уадаҩхеит. Лнапсыргәыҵа
иагәҭасны иаԥыргауа, аҽҽаҳәа илеины азхаз иқәкьаса ицон,
ашәах ықәырч. Лнацәкьарақәа ирыбжьыҵәрааны ацԥхьқәа
илысуаз, иҵааршәыраха лыкәа иҭаланы, лмаӷрақәа ирхьыжжы лцәа дҭанарӡыӡаауан. Ашә ауп ирыбжьоу ацхыраара
лызҭашеи лареи, лыбжьы налыргар уаҳа аҭахӡам, аха иаба­
ҟоу… Арыԥҵә шьҭа усгьы уаҩы иԥшаауа иҟамызт, аҩы ихнаҵан
џьа ихәыҵанагалазар акәхарын, лнапқәа аадылкәы­цәааит,
аҽырҳәагьы иҩалгәыдыҽҽалан, ашә аимԥаа аҭаҳмадцәа
ахьтәаз ааҟтәирахь дааҩнашылт. Аҭаҳмадцәа ахышәахь рхы
рханы иҟаԥшьӡа еибакны еиҿадырццеиуан. Аҭаца дҳәыҵәыҳәыҵәуа азхаз агәҭа даақәхеит, аҩы лхьыкәкәо, лымаҭәақәа
лыдҷабло. Аҭаҳмадцәа егьлыхәамԥшит, рҭаца рхәы ҟалҵоит,
дара еицәажәоит, иалырдыраауеи ашықәсантәи раарыхрабжа аҩы шҭыкәкәо. Ранаџьлбеит, аҽҽаҳәа иахькаҭәогьы абжьы рмаҳаӡои?! Лыԥсахы еибакуан. Раԥхьа дниаҟьан абысҭа
днахаххит, аҩы шылхьыкәкәо длырбарц. Абысҭа анылҵауеит,
шьҭа акраҳфозар акәхап ҟарҵеит, уахь иагьхьамԥшит.
«…Ԥсуак иҟны иҟамлац ҟауҵартә, ҳаӷоу ибааит, уҭаца
уара уҟны дурцәажәартә!» – Џьыгрыц иажәақәа аӡаӡ еиԥш
лгәахы иалакшон, иара аӷәра ақәыршәыҵәҟьаны ииҳәац
иҳәон.

…Абар, амықәшәатә! Аҭаца лылаӷырӡ хажжыла, ашыр
лырган, аҩцара деиҭалыҩнапҟеит. «Ҳаӷоу ибааит уҭаца дур­
цәажәартә!» арҭ ажәақәа аҟыҿыҳәа илыцҳауан.
– Аҿымҭра… аҿымҭра, џьаҳаным еилашыра зҭаԥхаша.
Иаҳа еиӷьу нас абас? Уцала, уцала, аҽҽаҳәа уҽҭарцәла… ах-х,
сызцазеи, мшәан, сара хаҵа… ыҳы… ҳы, иабанӡаҟазаауеи абри
аҵас, – инеималҭәеит лылаӷырӡ, – ахьымӡӷ, сзымԥсуазеи,
мшәан, сан слымхны лыҩнапык аалгәыҵалԥсааит!
Иагьа лундазгьы иамуит. Аҩы газго, қьаад-маадыжәқәак
хаччала ишьҭыхны, еиларгьежьуа азхаз иқәуп. Ҟлып-ҟлыпҳәа
дӡаагыланы, дыгәжәажәо, деикәахынҳәуа аҩы ныскылоит
ҳәа даҿуп. Иара рыцҳашьара ҟамҵаӡакәа аҽырдара иаҿуп.
– Ашареи ахәлареи зымбаша сара! Иҟасҵазеи? – уаҳа
иҟалҵара анылзымдыр, лԥыраҳәа ааиларкәымпылны ишлымчыз аҩы еиқәаҵәа зҭыҩруаз акылҳара инадырӷәӷәаланы
дладтәалеит. Лымч зегьы еизыркәкәаны данадиала акыр
илҟажеит, аха ус иагьа акәзаргьы, аԥҳәыс қәыԥш лмахәҿақәа
усҟак амчхара рмоуит. Лнапқәа есааира рымч рылӡаауа
икәа­дахацыԥхьаӡа, аҩы иавҵыҵәраауаз аҽашон. Надица,
лгәи лылаӷырӡи еилаҵәо дқьыԥаха дшадтәалаз, ыҳа-ҳа лы­
р­геит аԥшқа иеиԥш. Изхараӡамкәа згәы ндырхаз хәыҷык
иеиԥш лгәы ԥжәаны ицон, аха лкасы еиқәыбааӡа илҿагәаны
ил­кын лыбжьы раҳар ҳәа дшәаны, уи «ҟалозма».
Ҩыла дкәабаны деиҵакы-еиҵакы деиҭааҩнашылеит ааҟ­­
тәирахь, ацгәыӷра ду, абысҭа нҵара иазгәышьуаз, абз ыр­
лакьҭо ашьаргәыҵақәа инархьшьы-аарыхьшьуа, агәы ҵка­­
пуа итәан. Данаба, абла ҟәазқәа иҵегь абжьхыршырҭа ины­
қәыргыланы иҩагылан, мбатәшәа иналыхәаԥшит, ибыҵа­
ԥсеи, банаџьалбеи, аҳәозшәа. Лабхәеи Џьыгрыци уахада
еибамбацызшәа еиҿаҳәӡаны еидтәалан. Ма ланхәа дыҟазар,
уи лҟны дымцәажәози, аҩы цеит, абаақәа, шәсыцхраа лым­
ҳәози. Аха уи данылгәалашәалакь акәын иаҳагьы лыԥсы
анеибакуаз, лҿымҭра уи лакәын еиҳарак изыхҟьоз.
Надица деиԥхьашьшьаа азхаз агәҭа дықәгылоуп дым­
қәацаӡо уаҳа ишԥасыхәамԥшри ҳәа. Аха уаҩ дхьаԥшуам,
акәаԥ-акәаԥҳәа аҩы лхьыкәкәаны икаҭәоит. Ацгәыӷра ду

аҽааиҵанархәачшәа аун, иааимсан, нас аҽыҩеиҵнарххан,
иаагәыбзыӷшәа аҵыхәа кәацәӡа ишьҭыхны лкалҭ инахь­
нарҳәазеит. Абри аминуҭ азы илыцхраашаз акы лыхшыҩ
инасызшәа лгәы иабеит. Дагьнеиҭаԥан, ацгәы еиҩырҿахә
абӷа длықәгылан анышәыргә инықәлырӷәӷәеит. «Ҟыж»
аах­­геит ацгәы рыцҳа. Дырҩегьых уаҩы дхьамԥшит. Ларгьы иоумышьҭыкәа ус илкуп. Ацгәы ишҽеирамыз анадыр,
иаа­ҳәны ашьапхыц франгьқәа ҭҳәаны аҭаца лшьапы ина­
ла­нарԥан, лбарфын қылԥад ԥшқақәа леиҩжәаны, лшьапы
ашьа ҩалнаржжит. Наск деилашәаӡаны, иҟалҵо лзымдыруа
днақәыӷәӷәаӡеит. «Ҟыж-ж-ж» ҳәа иааҟәымҵӡакәа абжьы ҭна­
цо ианалага, алақәа ахуҳәа ишуа ашә иаадыххылт.
– Ҳаи, иҟалазеи?! – ҳәа ианаахьаԥш рҭаца деилабааеилаԥс, аҩы лхьыкәкәа ацгәы даӷрагылоуп.
– Иакәым ак ҳахьзар ҟалап, аԥсра соундаз, – иҳәан Ба­
сиаҭ аҩцарахьы днеихеит. Џьыгрыцгьы аҭацагьы наишь­ҭа­
леит. Ацгәы рыцҳа еиҵакы-еиҵакуа ацәарҭаӷәы аҵаҟа ин­
хәыҵалеит.
Акыр зымч зшәахьаз аҩы уажәы иҭынчхахьан, баша ауалыр иахьыкәкәашәа маҷк леиуан ауп.
Басиаҭ иӡара аанкыланы, дааҳәын, Џьыгрыц днеи­
ҿаԥшит:
– Ыы, Џьыгрыц, аҿымҭра еиҳа еиӷьхап угәахәуоу абри
аҵкьыс?!
АГӘЫӶРА АШӘ ААРТЫЗАРОУП
«Ввив, ввив, ввив…» – аҳаирплан ауу-бжьы гон.
– О, бара, быҩдәылҵи, иахьаахуа ббоу, ани амца зыцралаша! Басиаҭ иеигәышә ахәы ақлыб џьаџьа ду зхьиҳәоз
ҩышьҭыхны, амра иҿаццеиуаз инаԥырак, аҩада дҩаԥшит.
Ихахаӡа, ажәҩан иаҵәа иаласаны, амра ахьаҿашуаз еилаарцыруа, Аҟәа шыҟоу ахы рха, игәрымуа ицон.
– Имааӡакәа, џьаҳаным аҭыԥхааит! – Шьамсиагьы
дҩаҵаԥшит, лхы азыриаша, аҩаӡара ихаууала ицоз аҳаир­
план. – Уажәы аихсра еиҭалагашт.

– Есымшагьы еихсгәышьоит, аха иара акгьы ақәымшәац,
еиԥш ссир уаҩы ибахьоу!
Басиаҭ дызҿыз иажәа анагӡахагьы имоукәа, агәыз,
агәызҳәа иҩашьҭарҵеит. Басиаҭраа рладахьы ахәызым­па­
раҟны аҭабиақәа ирҭатәаз ар хәҭа рбзарбзанқәа ҿааихак
ҟарҵомызт. Уамашәа иубаша, аҳаирплан илахык-ҩахыкны
иаватҟәацуан, аԥҭа шкәакәа хәыҷқәа реиԥш, иҟәаш-ҟәашӡа,
ихагьежь-хагьежьӡа алҩа ааныжьуа. Нас итҟәацқәоз ахыԥҽы­
хақәа ажжыҳәа илеины, ана-ара ицәыҵасуан. Аҳаирплан
шцац имццакӡакәа ицон.
– Ес-уажәааны иаац ауп иара, – иҳәан, Басиаҭ, иеигәышә
ашәшьыра иныҵаиршәын, атәара иҽыназикит.
– Ҳаӷа амца аиркӡозаап, анааџьыни, аранӡагьы дымшәадмырҳа дааиуа даналага!
– Е-еи, с-Маџь, уан иԥсыша, уԥсы ҭоушь?..
– Аҳыҳ, балагахт. Иԥсы ҭамкәа ииуеи, уи иоуп адунеи
иаҳзықәу, уаҳа иҳамада.
– Шәхы лахааит зымш ала абри аибашьра иналагаз. Ажә­
лар рыцҳа шԥандырҵәои. Ирхарагәышьозеи ҭынч акыруаакрыфо аҩны итәаз, ихандеиуаз.
– Уи ҳа иаҳбарҭаӡам, аха иацы ибасҳәаз азы бгәы иаанагои?
– «Аиха ахьҭаҳаз аигәышәгьы ҭаҳаит» ҳәа, аҭасԥыҳә еиԥш,
гәыжьжьагас иҳамаз ҳгәыӷырҭазаҵә ихабар ҳаздырӡом,
уаргьы уишьҭаларц угәы иҭоума? Нас, сара исыԥсыхәозеи?..
– Сҩызцәа иҟарҵо ҟасҵароуп. Зшьамхы инанаго ахацәа
зегьы ацара иаҿуп.
– Иаҭаху бзиоуп…
Адырҩаҽны ашьыжь амра шашаӡа иҩагылеит.
Шықәсқәак раԥхьа лыҷкәын заҵә Кәатат данынаскьалгоз еиԥш, арҭмаҟ изқәа инкыдҵа агәашә дҭылгеит Шьамсиа
лхаҵа. Дгьежьны агәарԥ дҭалаанӡа илмырцәаакит Шьамсиа
лыблақәа. Уи акәхеит, лыҩнапык аалгәыҵаԥса агәашә ахь
дыԥшуа длатәеит.
Аамҭала Алгыҭ ақыҭа ааиларӡыӡауа, арҵәаа-арҵәааҳәа
аҳәҳәабжь ҩалҟьалон, зиеҵәахә кыдшәаз аҭаацәара адыр-

ра рыҭараз – абӷьыц еиқәаҵәа ззаалоз. Шьамсиа ллахьынҵа
макьаназ аҽарҵысуамызт, идагәан.
…Урыстәыла. Абыржәы хынтәын ақалақь Петровка афа­
шистцәа рнапаҿы инаргозиижьҭеи. Еиҭажәылон ҳар уи ага­
разы. Аибашьра амца анаркуан, ихыџхыџуан адгьыл. Абом­
бақәа ԥжәон, адгьыли аҳауеи еилаӡҩон. Бџьар хкыс иҟаз
зегьы ргәы аҭыԥ иҭамгыло «Игәжәажәон». Хәшәыбылфҩы­
ла акәын ар рыԥсыԥ шыларгаҩаргоз. Аибашьра аԥсцәаҳа,
иццышәха иҽбыга нышьҭшьуа, аԥсҭазаара ишьаҽуан.
Ақалақь азааигәара акәын. Абнаршәыра. Ашәаԥыџьаԥ
хыблаа-ҿыблаан. Ари абнаҿ итәан ар хәҭак иеиуаз Асовет
еибашьҩцәа. Урҭ рџьазтә хылԥақәа рхаргыла ирҭаиоуп иржыз аҭабиақәа.
Абар Кәпалба Кәататгьы – Шьамсиа лыҷкәын. Ишнел
икәырша абомба иҵнажәаз нышә ҽыҭ дук даваиоуп, иавто­мат
ҭаирцәуеит. Ааигәа адалақь акыха имоузаап, иԥаҵа еинылоуп. Ихахәы ԥшқа ахәышәбли асабеи рылачуп. Ибла гәыӷра
ҭбаақәеи иџьымшь пақәеи ааԥсара рныԥшуа ауп ишыҟоу.
Ихәдаҿ ашьана иамоу аарла иубарҭоуп, асаба иацәынханы.
Ага бӷьыци, ашьха бӷьыци еиқәшәоит рҳәоит. Кәатат дызлаз архәҭа арӷәӷәаразы инарышьҭыз асолдаҭцәа дрылан
Кәатат иаб Басиаҭгьы. Уи уаҟа аԥсуак дыҟоуп ҳәа аниаҳа, деимдауа дышрылаз, ана-ара шырҳәоз, иҷкәын ицыз солдаҭк
иҭабиаҿ днанагеит. – ԥсуас ара иҟоу ҳкомандир иоуп –
Кәпалба Кәатат Басиаҭ-иԥа, абан, нахьхьи анышәгәал ду дахьаваиоу, – асолдаҭ аҭак ҟаиҵеит. Басиаҭ азныказ даашанхеит, нас асолдаҭ днеихаххын, деимлагәа аҵәах-аҵәахҳәа
дааигәӡит. Асолдаҭ иҟалаз изеилмырго, ила ҭраа Басиаҭ
диҿаԥшуан.
Амра аҭашәамҭаз маҷк аиҿахысрақәа ааихсыӷьит.
Басиаҭ ииулакь иҷкәын дахьыҟаз днеит.
– Уаа… саб, уанаџьалбеит уабаҟаз! – ахқәа шырӡывасуаз
иааигәыдибаҳәҳәалеит аби аԥеи. Агәырӷьара, агәырӷьара…
Уи акзаҵәык ауп Басиаҭ иҷкәын иҟнытә иагьиаҳаз. Дыши­
гәыдирӷәӷәалоз дааҭрыс-ҭрысын, дылхьышьшьит Басиаҭ иԥа.
Аибашьра – еибашьроуп, аби аԥеи ргәырӷьара аздырӡом. Аб

дӷьаҵәыӷьаҵәуеит, имала иҽизшьуам, ахы цаҳәцаҳә иахәыз
иҷкәын дихоуп. Ус, «ввив, ввив…» ахга, Басиаҭ иԥшәмеи
иареи аҩны агәарԥ аҟнытә изҵаԥшуаз аҳаирплан аархалт
ихаууала. Уи, ара акыр аҽыланарҟәит. Иламҟәыҵшәеит
абомба «лапҟьақәа», илеиуеит икаууа. Агәыз, агәыз… Алҩа,
аӷызбжьқәа. Зегьы еилаҩынтит џьаҳанымҵас. Ԥыҭрак ашь­
ҭахь, иааҭынчрахеит. «Е-е-и, бара ахәашабга, бара агәаҟ.
Ибдыруазҭгьы уажәы ҳаҷкәынзаҵә дышсымҵоу… «Дум­
ԥшаакәа умун» бымҳәази санааскьабгоз. Дсыԥшааит, аха
дышԥабызназгои!…»
Иԥа деиԥхьишьшьааит, аха дқәацаӡом Кәатат. Игәы иамариаша икьаҿ иалжжуеит ашьа, «Саџьал шԥацәгьаз, укыдыбгааит са сызшаз, абри аума лахьынҵас исуҭаз», – ихы
ишәиуан Басиаҭ, ихаԥыцқәа аҿҿа аарыҵгеит. Иӡамҩақәа
аацәаакит.
Инапқәа қыџьқыџьуа иҷкәын иџьыбақәа ирҭаз адокументқәа ааҭихит. Иргәылоуп Кәатат аибашьра данаауаз
иани иаби дрыдгылан иҭихыз апатреҭ. «Абарҭ уан илзызгап,
сеибганы сзыгьежьуазар». Икәа инҭеиҵеит, Кәатат иблақәа
аарла иаахитит. Иқьышә аақәац-қәацеит. «Иԥсы ҭоуп… Сара
разҟы сымаӡамкәа сауишах… Изакәи, дад, ара сыҟами?» –
ихы неиҿеикит. «Усцәымшәан, саб… еибашьроуп… акгьы сыхьуам… сан дышԥаҟоу?… Арахь уанаа… Аӡы, аӡба…» – уаҳа
акгьы изымҳәеит.
– Уажәыҵәҟьа, уаб дукәыхшахааит, уажәыҵәҟьа ҳам­
неиуеи, – аб неиҭамҳәа иԥа диҵаланы дҳәазоит, шьҭахьла, абнарахь ихы рханы. Аҿыв-сывҳәа ана-ара ахқәа цәыҵасуеит.
– Аӡы… аӡы… аӡба…
– Абар, ҳааит, уаб жәымҭацәгьа, уажәыҵәҟьа аӡы узаазгоит. Џь-ҵла дук, ихыблаа-ҿыблааны, рацәак махә амаӡамкәа,
аибашьра иаҭынханы игылан, уи аҵаҟа ашьшьыҳәа аб иԥа­
заҵә днышьҭеиҵеит.
Амра ҭашәахьан, алашьцара иаҿын. Басиаҭ хыма-ԥсыма
икателок аашьҭԥааны аӡахьы ддәықәлеит. Аӡы, аӡы ҳәа ишь­
ҭахьҟа иԥа ибжьы гон. Басиаҭ гәаҟ аӡы дашьҭоуп, абнара еимидоит, иԥшаауеит аӡы. Ииулакь икателок азна аӡы ԥшааны

дыҩит иԥа иахь. Аҵх лашьцан. Басиаҭ дыҿҟьаса дааит иԥа
иҿы, аха иԥа аӡы изымжәит.
…Аҵх ашарахь инеигәаанӡа аб дыгәжәажәон иԥа заҵә
дидтәаланы. Нас, уи аџь аҵаҟа анышә дамеидеит иԥа. Ашарахь инеигәоны, Басиаҭ игәыӷырҭазаҵә аџь аҵаҟа дныжьны,
ир-хәҭа дахьӡеит, «сеибганы сгьежьуазар, ара унсыжьуам»
ҳәаны.
***
1945 шықәса. Урыстәыла агәы иалсны иаауа адәыӷба
Аԥсныҟа ахы хоуп. Авагонқәа ҭәуп кәапеишәа. Ирацәоуп
ар иреиуаны иҭоу. Шьоук тәоуп, шьоук ықәиоуп, шьоукы
ыцәоуп, шьоукы ааԥшуеит.
Иаашарккеит… Адәыӷба арҵәаа ааҭнарган, иаӷрачны иамаз аԥсыԥ зегьы лаунажьын, аҽааиқәнакит станциак аҟны.
Ҵаҟантәи ақәиарҭаҿ иқәиаз Басиаҭ, адәыӷба анааҭгылоз
авагонқәа анынеидаҳала, ихы аҭӡамц инадкшалт, ихы ҩы­
ҵырззан ахышә дынкылԥшит. «Ростов», – иаанихит аҩы­
ра. Ирацәаҩын иӷьаҵәыӷьаҵәуа адәыӷба иазыԥшыз, аха
имаҷын илбаауаз асолдаҭцәа. Агәырӷьаратә лаӷырӡқәа, аи­
гәыдибаҳәҳәалара… ԥыҭрак ашьҭахь адәыӷба «ааҿнаҭын»,
астанциа аԥхьа алҩа ҩықәырч аҿынанхеит. Адәыӷба иҭаз
ҿыхақәеит. Басиаҭ ишнел ԥхьаршәҭ дҩықәтәеит, ахышә
ихы аадганы. Игәы икыдқәаз амедалқәа ааинҟьан, ахьхьа
аарыхгеит. Ашлара иамазкуаз ихахәы инапы аалишьын, ампахьшьы аашьҭых иҿы ӡык нақәҭәаны дааит. Саркьа хәыҷык
иџьыба иааҭиган днанԥшылт. Илымҳа ашьаҭа инаркны
ицламҳәа аҟынӡа ашәахсҭа анын. Ихәда аганаҿ мҳәырк
аҟара икылгьежьаа иҭҿан. «Аибашьра цоит, ашәахсҭақәа
нхоит, аха уара узы инхеи?» – ихчныз ачамадан еиқәаҵәа ду
ҟәыбас маҟала еихданы иҿаҳәаз днахәаԥшит. «Абар, шьҭа
акгьы ҳагым аҩны ҳнеирц, сыҷкәын дааумгакәан умаан ҳәа
салҳәеит, улызназгоит… Амала, нарцәыҳәа акрыҟан иҟазар,
анцәа ҳаицәумырӡын. Убриак сызу, анцәа, егьырахь усгьы
исзууша сзууит», – дцәажәон гәаныла ачамадан дахәаԥшуа.

Адәыӷба, станциа-цыԥхьаӡа инҭгыла-ааҭгыло, шьоукы ырччо, шьоукы рҵәуо иқәҳа ицон.
ԥҳәыс шәпа-жәпак, ари авагон иааҭалаз, карзинкак
даҵақь икны, ар иреиуаз днарылаԥш-аарылаԥшуа дшааиуаз, Басиаҭ иҿаԥхьа дааҭгылеит. Басиаҭгьы ихы ҩышьҭыхны
дналҿаԥшит. Лара Басиаҭ ичамадан еиқәаҵәа ду лнацәкьыс
нақәылкын, закәи аанарго, иаалырҵысит. Басиаҭ дҩеилыԥсаа
дцеит азныказ.
– Ибҭахи?! – аӷьеҩ ҩалхиргеит.
– Ари учамадан анс-арс акыр ҭазар, уахьыҟаз акру­заа­
гаӡазар, ауатка сымоуп, ҳаинаалап, – иааԥшқашәа даацәа­
жәеит. Басиаҭ даацәышхан, ихәы-ижьы қақаӡа иҩеилагылеит,
длыҵаҳәҳәеит.
– Бысԥырцқьа абыржәыҵәҟьа наҟ! – инапқәа қыџьқыџь­уа ичамадан инакәиршеит. Ари авагон иҭаз егьырҭгьы
изҿқәаз иаарҟәаҵны, арахь рхы нкыдырҵеит.
– Абна ҳалоу џьушьома, узырҟаауеи?! Медалқәакгьы игәы
икыдхупеи, иҟәаҟәа иҭеиҵазар акәхап. Џьоук рзы ари аибашьра акрырҳаганы иҟалеит, ауаа цәырҳәны, рчамаданқәа
еиҵагәа ирыманы иаауеит!.. – Даҽа ԥыҭк ацылҵар лҭахын
аԥҳәыс, аха Басиаҭ иламраӡакәа, дҩаҵҟьан, лыжәҩа данкны
дырқәаџқәаџуа наҟ дналыгәҭасит.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3393
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3522
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2433
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3475
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2409
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3457
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3453
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2377
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3437
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2347
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3521
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2405
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3501
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2411
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3518
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2339
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3488
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2464
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2361
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2367
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3443
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2427
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3471
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2423
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3495
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2443
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3465
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2420
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3521
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3510
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3488
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2365
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3590
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2501
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3494
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2381
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3538
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2034
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3418
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2043