Latin

Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03

Süzlärneñ gomumi sanı 3477
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
лгәыгәым аанкыланы дыҿҟьа-ҿҟьо лҿыҩалхон, Шәарах лгәы
дышҭоу. Шәарах ихьчала Бардан ахы ишьшьуа далагон, Марица лнапы ахьахьылшьуаз лнапы ишьшьуашәа игәы иабон,
Бардангьы алақәа нҭырпжы-ааҭырпжуа, иҵыхәаршәшәауа
иара ихәаԥшуан, «ари ауаҩ дхагахама, ианбыкәыз ас схы
анишьшьлоз» ҳәа иџьшьо.
Ус ишыҟаз жәаа шықәса днарҭагылт Шәарах, жәаф шы­
қәса – Марица. – Дцәажәон аҭаҳмада. – Ӡиқәа аӡы, жәытә
аахыс аҵас иамаз камыжькәа, аҽҽаҳәа иҭаҽҽуа еилаш­уан.
Абыржә ҳахьтәоу адәҳәыԥшгьы ииаҵәҟаҟараӡа ашьац аха­
шьшьы иҟан. Хәылбыҽханын. Абри аԥсаҵла игылоу ҟарма­
ҵыск ықәтәаны, иааҟәымҵӡакәа ишәаҳәон. – Аҭаҳмада илахь
ааимаирӷәӷәан маҷк дааҭгылт, акы дазхәыцуа. – Абра, ҵаҟа
аӡы ахьеилашуа, аҟәараҿы игылан Шәарахи, Марицеи, ахьчала Бардани. Марица, лкәапеи хшьылауа лыԥҳали лгәыгәыми
лырҭәуан, Шәарах илаба аҟәара инылақшо-аалақшо, лнаҩыс
дгылан. Бардан рыбжьара итәан аҽырқьақьаны. Марица
лыԥҳал рҭәны, саҵалоит ҳәа амаа анаанылкыла Шәарах

днаҵҟьан, лнапгьы амаагьы еимлагәа иааникылт. Бардан
ҩышьҭыԥан инарҿагылт, ахы ырнааны, изқәыркзеи мшәан
ҳәа иԥшуа. Марица аԥҳал ааулыжьын лҽыҩеиҵылхт, Шәарах
ибла дхыԥшылауа, лқьышә ырччо, лхы ааҟьаны, лхцәыжәпа
еиларҳәқәа лышьҭахьҟа инаршәны. Шәарах дызҿхагахаа­
уаз лыблақәа, уара сутәыми рҳәозшәа игәы инаҭеит.
– Марица, сылашара, Марица! Бара, бара ибылшоит…
иагьбылшоит, иагьбымчуп саԥхьаҟа сыԥсҭазаара, сымҩа илгоу шәҭышла ихыбҟьарц, – Шәарах ибла гәыҭбаақәа раҟара
рыцлеит, игәы ҵысҵысуан. – Исзычҳауам сара уаҳа, иазхазааит исхызгахьоу смыцәарақәа. Бара бзыҳәа срыцрыҵуеит
сара Уаҭарбеи, џьаҳаным зҭыԥхаша, ирахә сызцу. Ишыббо, сзаҵәуп, сеиҭымуп, аха агәамчи агәабзиареи сымоуп,
ҳанхап ҳажәҩа еибыҭаны. Сыԥсҭазаара зегьы быбзиабара
иазыскуеит…
Марица ашьшьыҳәа Шәарах игәышԥы аҟьаҟьара лхы
надылҵеит, уи иаанагоз уара иудырп. Бардан гәырӷьаҵәа
иҟрым-ҿрымуа иргәыдԥалон, аха ҭиҭ ҳәагьы аӡәы иҳәомызт,
Шәарахи Марицеи напеимдахьас рчабрақәа еимырдеит, иара уаҵәҟьа. Марица лыԥҳали лгәыгәыми рыбжа ауп
аҩныҟа аӡы илга, дыҩны дахьцоз абжа каҭәеит. Шәарахгьы
шьабысҭаҵас ахра даҿаланы ирахә рахь дцеит. Шықәсык
ирзаҩызан асабша ааира Шәарахи Марицеи. Иагьааит уи
амш гәырӷьахә асабша. Шәарахгьы илшоз ала ачара хәыҷы
уны Марица дааигеит, иԥацха хәыҷы иргылаз ахь.
– Абзиеи ацәгьеи рышьхәа еивҵоуп, усоуп аԥсҭазаара
шшоу, – далашыҩкны дцәажәон аҭаҳмада.
– Агәырӷьара нагӡа уаҩы имоуазаап, уи акы иԥышькласуазаап. Шәарах иԥҳәыс данааига, адырҩаҽны днеит
Уаҭарбеи иҿы ахьчаразы сааԥсара ахә сыҭаны схы сақәиҭтә
ҳәа иеиҳәарацы. Уаҭарбеи дзаза-мазо, имгәацәа еимамӡо,
ашәшьыраҿы длеи-ҩеиуа дахьԥшахьырсуаз днаидгылт.
Диҳәеит, аха Уаҭарбеи ари дауижьуа дыҟазма, жә-шықәса
изыхьчахьаз, ахьча ҟаза ҳәа ииԥхьаӡоз. Жәа-шықәса наҟьак
Шәарах ибзоурала иреицәаз уасакгьы ашьапы амыхьцызт,

насгьы мариала дизыхьчон, ифареи, есышықәса уасаки сыски ракәын иоуӡозгьы.
«Даҽа шықәсык аҟара усзыхьча, уаанӡа хьчакгьы дсыԥ­
шаап, мамзар, уажәы сыԥсаса кажьны уцар, иԥхасҭа-хоит,
акгьы уауам усҟан», – иҳәан, Уаҭарбеи иажәа ааҿахи-ҵәеит,
илақәа кылзза.
«Аԥсаса ҩахьхьи ааԥҭараҟны иҭакны сааит, иԥхасҭоумтәын, сара уаҳа уахь сцаӡом, ԥҳәыс даазгеит, сқәацә хәыҷы аҿы анхара салагоит. Амала, сааԥсара ахә ахьсумҭаз азы
иахьахәҭоу сашшуеит», – иҳәан, Шәарах игәаԥсахы ԥыжә­
жәо дцеит аҩныҟа.
Усҟантәи аамҭазы ус акәын ишыҟаз, дад, амал змаз ауаҩ
иакәын амчра змазгьы. Адырхаҽны шьыжьымҭанӡа аҭауад
Уаҭарбеи ҷкәына хәыҷык диманы жәа-уасаки жәа-сыски
иаԥца, Шәарах игәарԥ дынҭалеит.
– Дад, уара жәпакы усзааԥсахьеит, уҿара сыдурӡылахьеит,
уааԥсара ахә шԥаусымҭои! Иацы сгәааны акы сҳәазаргьы,
иудкыл ууасақәа, абраҟагьы унапы анҵа утәы шуоуз ала, –
иҳәан, қьаадк наииркит. Шәарах анапаҵаҩшьа идыруашәа
дыҟан, гәаҟ-ҵәаҟрыла инаниҵеит.
Уаҭарбеи дцеит аҩныҟа. Шәарах дгәырӷьаҵәа Марица
илеиҳәеит, шьҭа ӷәӷәала анхара напы аҳаркып, арахәгьы
ҳамоуп, иҳабаргәызеи ҳәа. Шәарахи Марицеи рхы-рыԥсы
иақәгәырӷьо, рыҩны иҩнан. Ус ҽнак ашьшьыҳәа агәарԥ иҩҭа­
леит ақыҭантәи аисаул ҩыџьаҟа ицны. Урҭ Шәарах дрыманы
агәарԥ илҭыҵт. Ахаан исхашҭуам, дад, сара аҭаҳмада, Марица агәашә аҿы дшылагылаз атәы. Лыҩ-напык лгәыҵаԥсаны,
лыбла ссирқәа уамашәа иԥшуан. Аԥҳәызба лаԥхьа ашәҭ
ԥшӡа ықәҵаны дыштәоу, иахьааиз лымбаӡакәа, амаҭқәа
аакылҟьаны, лышәҭ рыма рҿынархар, дышԥарыхәаԥшрыз,
убас уи лыблақәа рҳаны иԥушан Шәарах дызгози иареи
рахь.
– Шәарах сыхаара, маҷк уласцәоуп, уҽынкыла-ҽынкыло уҟаз, иагьа маҟәмабара урықәшәап, аха ачҳара умаз,
ҳаиқәшәарц уҭахызар – абас длаӷырӡышо иалҳәаз игәалашәон.

Ауаҩы аԥсҭазаараҿы амашәыр ихьыр ҟалоит, аҵла далҟьоит, ауаҩы диамхашьуеит, акы ихҭнырҟьоит, акы дахҟьоит. Аха Шәарах дзыхҟьазеи?
Уи дзыхҟьаз ақьаад ианыз изымдырӡакәа инапы ахьаниҵаз ауп. Уа убас ианызаарын: Уаҭарбеи иԥсаса ҩажәахы ыӡызшәа, изгазгьы Шәарах иакәызшәа, Шәарах иҿы
иқәшаҳаҭхазшәа. Ииашаны ауха Уаҭарбеи иуасақәа ҩажәахы ргеит, иара Уаҭарбеи иоуп идзыргазгьы, нас Шәарах
инаиқәырҵеит. Ддырӡит Шәарах. Сибарҟа дахган. Жәашықә­са иқәын, аха акырқәа дыбналарц ддәықәлахьан азы
ишықәсқәа иацырҵауа, ҩажәихәба рҟынӡа днаргеит. Уаҩы
иааизымчҳаратәы аҳауа цәгьан Шәарах дахьыҟаз. Дгьылижәҩани еиларсазшәа ибон дахьынаԥшлак. Иааҟәымҵӡа-кәа
ахәшырбб еиларҩынтуа аԥша асуа, абаандаҩцәа рыфатә
ирҿарҵоз амҵ шҳамха ихпапаланы ихҭәҳәалон, амҳаҵә
аахшьыланы инкаҟьо акәын акыршырфоз. Ачымазара бааԥ­­
сқәа ҵысуан. Шәарах ашьха ҳауа иалааӡаз, игәамч ӷәӷәан,
дычмазаҩымхеит. Амала дгәамҵуан цәгьала иԥҳәыс дыгә­
хьааганы. Лхабарк издырӡомызт, салам шәҟәык аӡәы ирыҩ­
шәа идәықәиҵан, аха аҭак ҟамлеит, изымнеизар акәхап
ақыҭа кҿахахь. Шәарах есымша иҭыганы дахәаԥушан Марица илҭаз ачабра қәҵа. Нас исахьаны ибла иаахгылон Марица агәашә данылагылаз.
Уи аҟара зысҳәари, дад, ауаҩы иимчҳауа акгьы ыҟаӡам.
Шәарах ҩажәихәба шықәса ихганы, иԥсадгьыл ахь ддәықә­
леит. Аџьамыӷәацәгьа шихигазгьы уамак иҽимԥсахит. Даныргоз иоура наӡахьан, дҭәын. Уажәы акыр игуп, Марица
лымшала ауп дагьзышлаӡа, аӡәы диццару дысзым­ԥшкәа ҳәа
дышлызхәыцуаз.
Хәылбыҽханын, аха шоуран бааԥсшәа. Амра ашә-ҵлақәа
ирывалахьан. Ҭынчран, Ӡиқәа агәгәаҳәа иахьеилашуаз ашь­
ҭыбжь игоз ада шьҭыбжь ыҟамызт. Шәарах дқьыԥаха аԥхӡы
игәыдшыла еилаҳәарак изқәа иқәҵаны гәарԥк дынҭалт,
дҿажәкны аӡба дыԥсуа. Аҩны ашә аартны иҟан, аха уа уаҩы
дыҟамызт. Уи аҩны Шәарах ихаан иҟамызт, ҿыц нхаҩык дынхозаарын. Уаҩ данимбаӡа, дныҩналт, ауаҭах цқьаӡа еилыр-

ган, цәарҭаӷәык еиқәхиа игылан, аханы улаԥш наахаратәы
аҭӡамц иадкнаҳалан цәҩычақәак, анаҩс хаҵаки ԥҳәыски
еи­вагыланы рпатреҭ ҭыхны икыдын. Шәарах азнык азы
днеи­лууаа дцеит, ацәҩычеи аԥҳәыс лсахьеи данахәаԥш.
Аҵ­кы еиқәаҵәа абарфын кәафҭа шкәакәа, аа, абар Марица
лы­маҭәақәа, данлеиҽырбоз илшәылҵалоз. Еиҳарак лпатреҭ,
лыблақәеи лыхцәи, Марица лхы аахҵәа илхагылан, аха ара
иҵегь дҭәуп, лызҳа-зыӷьоуп. Шәарах аӡыжәрагьы неихашҭын,
апатреҭ нкыдԥаан, дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа ахәаԥшра дналагеит.
Ахаҵа илҿаччо илывагыло даара дуаҩы ԥшӡоуп, иԥаҵақәа
хыршаны, ижәҩахырқәа ҭбааӡа.
Шәарах деилаԥсеит зынӡа, абар ҩажәихәба шықәса дыз­
зыԥшыз иԥҳәыс дахьылԥсах. Апатреҭ иманы ддәылҟьеит
адәахьы, нас даангыланы дахәаԥшуа, инапқәа қыџьқыџьуа,
уамақәак ҟарҵон. Убри аамҭазы уи агәара давсны днеи-уан
лагажәык, ицәеи ибаҩи еикәыршаны, ихәда ацәа канӡа гьалгьало, илакыҵа ацәақәа хәаԥӡа, ила ажьаӡа хыҳәҳәыла, ибӷа
ырхәаны, ижәцәеимаақәа еидҳәаланы, илабашьа аҟыгәҟыгәҳәа иныҵакшо. Ари алыгажә ибозаарын Шәарах данааиуаз, апатреҭ кны иҟаиҵақәоз. Шәарах уи днаидыххылт:
– Ухаҵкы, уара араатәума? – дҵааит Шәарах ибжьы
қыџьқыџьуа.
– Изуҳәазеи, дад? – еергьҳәа аҭак ааҟаиҵеит.
– Ишсоуҳәара, абри аԥҳәыс дудыруама?
Апатреҭ наииркит, аха дихәамԥшӡакәа ажәжәаҳәа иеилаҳәара дынҭалан, итапанча ааӷрыхны, иџьыба инҭаҵаны
днеиҿаԥшит. Алыгажә атапанча илаԥш нақәшәеит.
– Ари аԥҳәыс Марица лыхьӡуп, дад…
– Ҳы! – даарҳашәа ихы дҩахеит.
– Иҟалазеи, узыршәазеи, дад? – аҭаҳмада ихы ҩышьҭыхны днеиҿаԥшит.
– Илывагылоу лхаҵа иакәхап?
– Ааи, уи лхаҵа иоуп, ирҳәоит лара лхаҵа дыӡуп ҳәа,
ӷьычрак амшала.
– Ала аԥынҵа икылҟьаз, иусырбап сара!.. Ари сара сыԥ­
ҳәыс лакәын, слыԥсахит! – Шәарах итапанча ааҭиган дыр­
ҩегь иџьыба еиҭанҭеиҵеит.

– Ҳаи, џьушьҭ, ишԥоуҳәои?! Схаҵа дыӡуп, уи уаҳа дахьаауа егьыҟам лҳәон рҳәеит. Уи сизыԥшума, аӡәы сиццап
лҳәан, абри ахаҵа илывагылоу диццеит, лыҩны-лгәара зегьы нкажьны, иаан абра иахьубо анхара иалагеит. Лхаҵа
арахьтәиӡам, дахьылԥшаа сыздыруам.
– Ех, иабазбаришь дара уажәы?! – Шәарах ихаԥыц аҿҿа
ыҵго, идақәеи иареи деибарххо дгылан.
– Дара уажәы абнаҟа сҩарывсит, рнапы еикәырша
еихәлаччо, адунеи кашырроуп, ҳазцәшәода рҳәошәа, Ӡиқәа
аԥшаҳәахьы илбааит, рҽдырхьшәашәаразы акәхап.
Абраҟа Шәарах уаҳа изымчҳазт, Ӡиқәа шыҟаз деихеит.
«Марица, са сакәымкәа даҽа хаҵак дышицу збану, слыԥ­
сахну?! Иҟасҵарызеи, мшәан, уаҳа адунеи исзықәда, исымада, бзиа сызбода? Уаҩԥсыкгьы… лара лакәын – слыԥсахит.
Ил­хашҭзаап саныргоз исалҳәаз ажәақәа: «Шәарах, сыԥсы
ахьынӡаҭоу уара сузыԥшуп, ачҳара умаз, акыр зычҳаз акыр
ибеит, ҳаиразҟызар ҳаиҭеиқәшәахуеит».
Абас акәзаап аҳәса шыҟоу, унарԥырҳәҳәаанӡоуп, нас
даҽаџьара ихьаԥшуеит.
Абас аҟаҿыҳәа деицҳауа, абри аԥса-ҵла заҵәы абра игылоу днавалт Шәарах. Марица лхаҵеи лареи еиваӷәӷәа еивагыланы еиҿахәыҭ-хәыҭуа, аҟыр-ҟырҳәа еибарччо иҩеи­
уан Шәарах дызвагылаз аԥса-ҵла шыҟаз. – Аҭаҳмада илаба неирххеит амҩахәасҭа иаҿаԥҟаны иҩагаз ахь. – Абар
Шәа­рах дахьхагаха зынӡак: арԥыс илыцу иԥаҵа хыршаны
адауаԥшь замана, махәҿала узыхәода, апатреҭ иану иауми. Шәарах аҟыԥҳәа исахьаны ибла иаахгылеит, раԥхьаӡа
рыбзиеибабара ахьцәырҵыз, абра Ӡиқәа ахықәаҿы, дшәа­
ны данзылмацәажәоз, ихьча-ла Бардан анлыдԥалоз, ааԥын
ашьац кашьшьы ианыҟаз, аҟармаҵыс ашәа анаҳәоз.
Уажәы ашьацгьы амра иаблит иҵҩааӡа, аҳауагьы хьан­
ҭоуп, аҟармаҵыс ацынхәрас алаҳәа еиқәаҵәа ҟыруа аб­
ри аԥса-ҵла ақәцә иқәтәоуп. Ех, шаҟа аҽеиҭанакуазеи аԥ­
сҭа­заара мыжда… Шәарах итапанча нарықәикит иааиуаз. Аа, абар Шәарах ҩажәихәба шықәса иимбац Марица,

даҳкәажәха, дҭәы-дыԥха дыԥҳәыс наӡа-ааӡаны дахьибо, аха
дызцу… слыԥсахт, – ааигәахәт иара.
Уи аамҭазы иҭҟьеит шәиԥхьыӡ згымхаша абџьар хыда.
Шаҟа игаӡоузеи абџьар, шаҟа игәымбыл џьбароузеи, шаҟаҩ
рыԥсҭазаара бзиахә иалнаххьоузеи уи. Ауаҩытәыҩса, оо,
ауаҩытәыҩса… Уи дуаҩыми, ахшыҩ имами, дымцәажәои…
Бызла изымеицәажәарызеи, изеинымааларызеи ауаҩиауаҩи?!
Ахҭҟьа даԥыхьашәеит Марица. Лгәы еимлагәа иаанкыланы, деиҵаӷәӷәа амҩахәасҭа анаара днаҿатәеит. Арԥыс илыцыз дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа, иҟалаз изымдыруа, дгәаҟ-ҵәаҟуа: «сан
иҟалазеи, сан» ҳәа даалгәыдыххылеит. Аха нас ашырҳәа
иҟама ҭӷәыцәаа, атапанчеи апатреҭи кны иаархҭыгәлаз
Шәарах иахь иҿынеихеит.
– Аа, Џыр, уи уаб иоуп, думшьын, – аарла лыбжьы аалыргеит Марица неиҭамҳәа, ашьагәаӡа лгәыҵкьасо дахьтәаз, аха
Џыр арҭ ажәақәа аниаҳа иҟама адәықәҵамҭа акәын. Шәарах
ихәда ааҩнарссеит аҟама, аха дазымгеит иара. Марица уаҳа
ажәакгьы лзымҳәеит. Џыр иаб Шәарах диҿаԥушан, иҟама
ашьаҟәада ахьшы, ишьапаҟны иҵакьакьан. Шәарах ила ҭраа
аҟәада игәыҵаш, зны иҷкәын дихәаԥшуан, зны иԥҳәыс лхылҿы ишьадаха, иҟалахьаз дахәаԥшуан...
Сыҭаҳмада абра ацәажәара даҟәыҵын, дзықәтәаз аҳа­
цаҟьа ашьапы илабашьа нықәикша-нықәикшан, нас маҷк
днаҳәын, ҳнаҩс аԥса-ҵла ашьапаҿы игылаз, ашәҭқәа зхапапа иҟаз ажәытә ҳаҭгәын днахәаԥшит.
– Шьҭа акыр ҵӡоит, дад, ари ҟалеижьҭеи. Ари зыхҟьаз
Уаҭарбеи – аӡымшын дынхырҵеит. Шәарахгьы акыр днарҟьааарҟьеит, аха уажәгьы иԥсы ҭоуп. Ибӷа хәаны иоуразоуроу
дышланы еергь ҳәа ишьапқәа неихигоит.
Абни аҳаҭгәын аҟны джуп Марица. Шәарахгьы мчыбжьык
ахь знык абра дааины, аҳаҭгәын аԥхьа аҳацаҟьа дықәтәаны
Марица длызхәыцуеит.
Ажәабжьҳәаҩ, илаӷырӡқәа иӡамҩа иахьыжжуаз дыр­
цәыԥхашьо днасҿаԥшын, нас икаба ахәда ааԥиртлан сна­
хәаԥшит ихәда илыҵакны ашәахсҭа ҿаҿаӡа изныз.

– Џыр иҟама аҭыԥ ауп, дад, абри, – иҳәан, дҩеихеит, илаба иҵаргәаны дгыларцы.
Сара сыла ҭраа сихәаԥшуан.
1995

ГӘЫРАЗ
(Алегенда)
Адунеи иаҟәыгоума уҳәаратәы, Кәыгәса ихәы ҳәа изышьҭоу
ашьха анаараҿы иаҿагылан маҵурҭа хәыҷык. Аҳәынҭқар
иаҳҭны, ихан еихачаԥақәа рҟны аасҭа еиӷьын абраҟатәи
ибнаку аԥсабара аԥсҭазаара. Ааԥын мшы кеикеиуа, амра
цаҳәцаҳәуа, абахә дуқәа еиқәышьшьы ирныҷҷало ишыҟоу
акәымкәа, иааилахәаны аҵыр-ҵырҳәа идыды-мацәысуа,
аԥҭақәа еилаҳанто ашьхара иаахалоит. Нас акырцхи аси
ахрақәа иларҿажьны, акы змуӡаз еиԥш аԥҭақәа нхыҵны,
амра ашәахәақәа аԥсабара ргәыдырҳәҳәалоит. Ари аҩыза
аԥсабара, ашьха аҟазшьақәа, Кәыгәса ихәы шәышықәсала
иашьцылахьан, уи иаразы иҿыцӡамызт. Уажәгьы ишгылац
игылан ахы ҳаракны, адунеи зегьы иқәыԥшуа.
Абри амаҵурҭа хәыҷы аҟны дынхон ашьха ҳауа џьба­
ра иааӡаз ԥҳәысеибак, Гәыраз захьӡыз. Длааӡон лара лԥа­
заҵә Ҭапагә. Гәыраз дышмаҷӡаз хаҵа дцан, аха илзамуит,
лыԥсҭазаараҿы анасыԥ лықәымҿиеит. Хаҵа данца адыр­
ҩашықәсан лхаҵа ахра дагеит, Ҭапагә хәыҷы длызныжьны.
Гәыраз лҭәымҭа дҭагылан деикәаԥхо, ашьеи-ахши еилал­
ҭәон. Лыхцәы еилыбзаауа лызқәа хнаҩауа, дыҿҟьа-ҿҟьо
шьыжьла аԥсаатә дрыцгылон. Лгәыгәым кны Кәыгәса ихәы
ахшьыра данаҿысуа убар, шьабсҭак ласӡа ицоит уҳәарын.
Даара аӡәырҩы лышьҭалахьан Гәыраз дшеибазгьы, аха лара
лҿара зегьы идырӡыланы длааӡарц даҿын лыҷкәын Ҭапагә.
Иаргьы изҳаит, абар уажәшьҭа ԥҳәыс дааигартә еиԥш дыҟан.
Ани аԥеи еидыргыланы урыхәаԥшуазар, иашьеи еиҳәшьеи
роуп уҳәарын.

Гәыраз лгәыӷырҭа, лыҵәҩаншьап змырӡша Ҭапагә, лнапы
ҿыҟаҟаа, лцәа лхыхны, мла дамыркыкәа, хьҭа дамыркыкәа,
лыҷкәын иҩызцәа дреицәамкәа длааӡеит. Абар, уажәы лара
длаҟароуп. Гәыраз аиаҭымра шылхаанхазгьы, уаха илфо лымамзаргьы, сасра ҳәа лгәарԥ иааҭалоз, пату иқәымҵакәан,
лчеиџьыка агьама имырбакәа длышьҭуамызт.
Зны, хәылбыҽхак Гәыраз лца дынҭалан, аџьықәреи иҭаз
ааизыршәшәаны гәыблаак азна ҿлырпит, уи инақәыршәаны
нанамгак аџьықәреи ҳәара агәарԥ дааҭалан лгәыблаа абжа
иара инаилҭан, иманы дышхырхәоз агәашә дынҭыҵит.
Ари Ҭапагә маҷк ацҭәа алихит, – сара бысзымҵааӡакәан
аџьықәреи шԥаибҭоз, шьҭа ҳара уаҵәы иаҳфои, – ҳәа.
– Ҳарҭ уаҵәы иаҳфои ҳәа ауп иуҳәо, иара уаха иифауа
имаӡам, – лҳәеит Гәыраз.
Адырҩаҽны ианааша рца азна аџьықәреи шыҟаз рбеит.
«ԥҳәыс даазгароуп, шьҭа аџьықәреигьы ҳамоуп», – ҳәа иан
даалысны дыхҭеикит Ҭапагә. Ан лыҷкәын изы акәын адәы
дзықәыз, иԥҳәысаагара деигәырӷьеит.
Аҭаца данаалга ашьҭахьгьы, абжьааԥны еиԥш, Гәыраз
лыҩны анеи-ааиҩы дагмызт, дыздыруаз рацәаҩын, уахь
имҩахыҵуан.
Аҭаца иаанагаз лымчыбжь анҵы, аҩны данашьцыла, дых­
саԥыҭха анхәа дналҿагылт, – ҳахбырҵәеит, бара ах­шыҩ­­­ца,
имҩахыҵуа зегьы акрырҿабҵо, акыррыбҭо, ари са сама­ҭәам, – ҳәа.
Гәыраз лгәашә иасымшааирагьы иҭшәахон асасцәа рзы.
Аҭаца лҟнытә жәа-хаак, жәа-гәырҟәандак амалахазгьы ил­
маҳаит, илаҳарцгьы дыҟамызт. Гәыраз аԥсра еиӷьалшьеит
ас дахьақәшәаз, лыҷкәын дахьразҟыдахаз, аха иҟалҵооз.
Анхәа егьа лычҳандазгьы иамуит, аҭаца лхаҵа длыцырхырааны ддәықәырҵеит Гәыраз хазы.
Ишон, ихәлон ашьха. Амш цәгьахон, еилгон, аамҭа цон,
ашықәсқәа нҵәон.
Ҭапагә иԥҳәыси иареи ргәашә зынӡа иакит, асасцәа рзы.
Хшаа дырмоуит, изаҵәхеит, ауҩыдлаԥса игәаҟит, даргьы
руаҩрахь инеит. Ҭапагә иԥҳәыс ӡызлан леиԥш лхаҵа дихаԥаны

дылкын, лара лҳәатәы днавсны акы ҟаиҵомызт, уи лыԥшӡара
убысҟак игәы ҿнакаауан, луаҩымра изгәаҭауамызт.
Гәыраз џьамыӷәацәгьала илааӡаз, схы санамыхәо сызбап ҳәа дзықәгәыӷуаз илиҭаз агәырҩа дарҩеит. Уажәы
дычмазаҩуп лара лхы дзахәом, лыҷкәын ихабаргьы лбауам.
Ҭапагә шәарыцара дынҭыҵлон, зны-зынла уи лассы данзымаалоз ыҟан. Аҭаца цәгьахәыц лгәы иаанагеит Ҭапагә
маӡала дцаны иан длыцхраауашәа. Ҽнак Ҭапагә аҩны данааи иԥҳәыс ихаара «дычмазаҩхан агәаҟра» дшаҿыз ибеит.
– Ибыхьзеи, хәшәыс ибзаазгарызеи? – дааӷьаҵәыӷьаҵәит
Ҭапагә.
– Сара салзырго хәшәык ауп иҟоу, убри ансмоугьы су­
цәыԥсуеит. Уца уласны уан дахьынхо, унеины дышьны лгәы
ҭыхны исзаага, сымԥсыр уҭахызар.
Ҭапагә ихы еимлагәа иаанкыланы дындәылҟьеит, афы
зысыз аӡәы иеиԥш. Длеиҩеиуан, агәарԥ дҭагьежьуан, деилашуан, ҩ-мчык деимдырххауан: иԥҳәыс лыхәшәтәреи, иан
дзааӡази ртәы.
Ашьхарахь еимаҳаны илашьцан, идыдуан, ихысуан, аҵырҵырҳәа имацәысуан, адунеи бганы иҟәыбаса ицоит уҳәарын.
Икыдҵәаны илеиуан ақәыршҩы, афарҭын еилаҩынтуан.
Ҭапагә деилабаа-еилаԥсы, иҟама мацәысуа икны, ашә
еимԥаа дааҩналт иан аҭакәажә дахьышьҭаз.
– Аа, уан иԥсыша, иугәаӷьыма аҵыхәтәан сыԥсымҭаз субарц, – лҳәан анықәтәара лҽыназылкит Гәыраз, аха лиарҭа
дахьҩыҵыззаз дшанханы даанхеит лыҷкәын иҟама кны данылба. Лиарҭа днылаҳит.
Ҭапагә ила ҭраа иан длыхәаԥшуан, димбаӡакәа агәыр­
ҩа иарканӡаз, уажәы аԥсхыхра иаҿыз. Лыхцәы зегьы па­
шәӡа ишлан, имчыдахахьаз лнапқәа адақәа рылпыҟҟа
иканӡахьан, лыбла ҳалалқәа рыла дихәаԥшуан лыҷкәын.
Гәыраз аҵыхәтәантәи лыԥсы аизгара акәын дызҿыз, аԥсыха
лаӡозар.
Ҭапагә иҽеиҵырхха дышгылац дгылоуп: мацәыс еим­
ҟьаран уи ибла иаахгылеит уажәы аԥсхыхра иаҿу дзааӡаз
иан лџьабаа. Дыкәкәы-цыкәкәуа, напхыцла адгьыл цәкәкәуа,

акәтаӷьцәа дылхны дзааӡаз иан дрыцҳаишьарыма, аха иԥ­
ҳәыс?..
Аҟама лӷырҳәа, аҟәада импыҵаш, иан лгәы ԥхаҵәыԥха­ҵәуа, алҩаҵә ахылзз, инапы ианҵаны ишыҟалаша ҳәа
ианаагәникыла ихи игәи еилаԥсеит… Уи аамҭазы ашьхақәа
ырлашауа, аҩны иааҩнаҷҷеит амацәыс, дгьыли жәҩани еилыбгоит уҳәаратәы ашьхақәа ырхыџхыџуа аҟәақ, аҟәақ,
аҟәақҳәа ихысит. Ҭапагә иҟама абз ӡыҭны илҿыцәааит. Ан
лгәы ахала иаагәылҵын иааин Ҭапагә инапы иаақәтәеит,
«уаала, нан, иахьуҭаху» – ҳәа. Ҭапагә агәы иманы ддәылҟьан,
дыҿҟьаса ахра даҿалан ддәықәлеит аҩныҟа. Амацәыс
ааихсыӷь амаӡамкәа рымҩа арлашон, ақәа хыкәкәон, афыр­
ҭын еиқәтәон.
Ус аҩны иааны ашә аадыртызар – уаӷеимшхара, азхаз
агәҭаны дышьҭоуп аҭаца дҵәи-ҵәиуа, уи амаҭ ӷра дуқәа
лықәҵәааша дырфон. Ҭапагә днаҭрысит длыцхраарц, аха ан
лгәы дамшьҭит «аа, нан, срыцҳауп, амаҭ урфоит», – аҳәан.
1956

СЫԤҲӘЫСЫМКӘА СЫЗШАЗ
– О, аԥшәма уҟоума, аԥшәма?
– Ҳаи, иауазеи ҳаҟам…
– Шьшь, абра ахәыҷқәа уаархылаԥшла, ари ахәыҷы
дгарҵыр дкаҳауеит, – лҳәан, Мамсыр иԥҳәыс Анҭица аша­
цаҳәа ашә ааимԥаа, дыҩдәылҵын, бзиала шәаабеит иаҳҭоу
ҳәа агәарԥ иааҭалаз хҩык асасцәа дрывагьежьуа, аԥсшәа
раҳәо, илыма дааҩнашылеит. Мамсыр ари аамҭазы аҩны
аҩымсаг ааҩнаиргьежьын, ахәыҷқәа иҩнарыԥсаз аҟьам­
сар-чымсарқәа ааизыҳәҳәаны, акәакьаҿ иҷыгәӡа еизганы
аҩым­саг нақәиҵеит. Ибӷа ааиҵихын, – бзиала шәаабеит, –
иҳәан ааигәа иимбацыз иуацәа аагәыдикыл-хыдикылт. Ила­
дыртәеит. Ахәыҷқәа аӡә иаҵкыс аӡә деиҵаны ԥшьҩык ауаџьаҟ
рҽнавакны, еиқәыԥшьыхаа, иааиз рахь иԥшуан. Реиҵбӡа
аган иҽаҭан раԥхьа дгылан. Адәахьы алаԥшҿаԥшы иҟаз

аҩныҵҟа иазымхазт, алампа афҭил аахырҟәыҷааны, амца
нацрарсны, алампаҵәыца нахарҟаца, афҭил дҩахан, адулаԥ
ахы инықәиргылт Мамсыр. Инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшқәеит.
– Шәанаџьалбеит, аҽаҩрақәа ҭаагалеит, шәыԥсы шԥа­ҭоу
ҳәа шәнықәлар, ҳнеидымтәалари. Ҽаанбзиала ҳәа иааҳ­ры­
хыз ргьама ҳамбари.
– Уара уаншьоуп, Мамсыр, зны уҭаацәа уманы уахык
уҩеир, нас акәымзи ҳа ҳанааишаз, – иааиз дреиҳабызар
акә­хап, руаӡәы абас даацәажәеит.
– Уи иашоуп, иуҳәаратәы исыхьит. Сара сианшьоуп, аԥ­
хьа са…
– Ишәҳәо иашоуп. Аибабара хәыҷык иҳагхеит, аха аԥ­хьа
инеиша-иааиша ҳәоума, ожәы шәара шәааит, нас ҳа ҳнеип, –
лҳәан, Анҭица лыԥшәма Мамсыр иахьгьы днаԥшын, лажәа
инацылҵеит. Мамсыр, асапын шәах еиԥш иҿабаз иажәа ихыиҿы ишықәыз, ашьшьыҳәа дындәылҵит. Арҭ шеи­цәа­жәоз
рбаӷь ҟаԥшь дук ахы хӷәыцәаа, аҟәада ахьшы има дааҩ­
нашылеит.
– Ҟоҳ, иабаҭахыз, џьушьҭ!..
– Ауадаҩ шәалаҳамҵеи! – иааиларԥсеит асасцәа.
– Ҳаи, иаҭахым ҳәа изакәи ишә…
– Рбаӷьк акәмызт шәызлагӡатәыз. Шәара шәзы иҳалшозар
ишәыхәҭам закәыхи. Уӡы шхьоу уара? – ауаџьаҟ иҭагылаз
ачуан ахь днаԥшит Анҭица. Ачуан ахылҩа-ԥсылҩа ҭҟьа ицон.
Мамсыр аԥхьа изынамгӡаз иажәа иарбаӷь инадкыланы аӡыр­
шы инӡааиршьшьылан, инҭаирҳәы-ааҭаирҳәит. Ашәахь да­
хьынаԥшыз иԥшәма лылаԥш ааиқәшәеит. Аҟыԥҳәа, иарбаӷь
ашьапқәа хаххала аӡыршы иаазныжьны, дындәылҟьан, амаца ааганы иԥшәма лаԥхьа инықәиҵеит.
Анҭица уи амаца ааилырхны, инеиқәыршьқьраауа асасцәа
иаарзылшеит. Ҭаҭын пачкак лџьыба иҩҭылган аишәа агәҭа
инықәылҵеит. Уи асасцәагьы ларгьы акака аахырхын, амца
ҩацраҵаны, аҟәақҳәа «афурҭ» асра иалагеит. Ахәыҷқәа
ҟәын­дшәындуа «русқәа» ирылацәажәо иалагахьан. Мамсыр иарбаӷь аӡыршы алырсны, атажә-атажәҳәа днас-аасын,

алагьан инахакны ипашәшәӡа иаагәылыршәаны, ахәаҭаҳәа
ишуаз ичуан инҭеиҵеит. Дындәылҟьеит.
Агара игараз ахәыҷы, аҭаҭын лҩа есааира наҟәҵас иҩ­
начуаз анихала, днеимҳәа-ааимҳәан, дааԥшит. Уаҩ дихагы­
ламшәа аниба, «апа» аацәыригеит. Ахәыҷқәа руаӡәы адыхдыхҳәа агара ааирҵысит. Аха уи иаҳагьы амзаатә изаанаган,
сани саби абаҟоу ҳәа ирауӡеит.
– Еи, уара, уабацеи абааԥс, ахәыҷы иуамеи, – агарахь
днаԥшит Анҭица.
– Аа, ара сыҟами, – иуаткеи ихыжәлақәеи еидҳәала, аԥ­
хӡы иҿашы, адулаԥ ахы хымаԥсыма инықәыргыланы, агара
днахаххит Мамсыр.
– Ахәыҷи, адууи, ақьаади сара исымоуп. Ԥшьба сцеит. – Анҭица лмацақәа ааиҟаратәны раԥхьа инықәылҵеит.
Абырқьҳәа алҩа лҿы инҭлырббит.
– Аџьар сара исымоуп, акы сцеит, – асасцәа руаӡәгьы ибжьы аагеит.
– Уара ари ҳакәты уаха имжәӡаргьы амла ҳаушьуама, –
аҿаалырхеит Анҭица.
– Аа, ара сыҟами, уажәыҵәҟьа. Уцә, уцә, шьышь каҵа,
шьышь, – Мамсыр иӷьаа-ӷьаауаз ахәыҷы днарҵасы-аарҵас­
ны днархаххын, реишәа аарыцқьаны, адулаԥ ахы иқәиргы­
лаз ахьышәҭҳәа инарымҵаиргылеит. Иҩагылан, индәылҵаадәыл­ҵқәан анапыӡәӡәара рҽыназыркит.
Мамсыр импахьшьы ижәҩа иахшьны, иеирыӡ кны, алагьан нарымҵеиргылеит. Анапыӡәӡәараҿы акыр еимдырххеит, сасла аԥшәымала ҳәа. Нас ҵасла ишахәҭаз еиԥш Анҭица
лнапы лирӡәӡәеит. Егьырҭгьы рнапы аӡы ақәырҭәеит. Иҭабуп,
уеиҳа зымчу умаҵ иуааит рҳәан, реишәа инахатәеит.
Ҩба-хԥа фырџьан ркхьан еиԥш, Мамсыр иарбаӷь еилыр­
шәшәа ичаԥаны, абысҭа алҩаҵә ахылзза, еиқәзаҷ ианҵаны,
аҩы ԥхеиԥхеиуа инарымҵеиргылт. Аишәа днықәыԥшит: акә­
тыжь ԥха, абысҭа, акаҵахәыр сыӡбал…
– Ух, шьыри, ирыдтәалазаалак!.. – ибз иқьышә иаақәишьын
днархыҵит.

– Ееи убаашәт, хара умаӡамкәа ушааиуаз, уара утәы аалау­
мыжьыр умухт. Афырџьанқәа ахьынӡаркуа аҩы шцәыррым­
го узымдырӡои? – ацәымҳа кны агара иахагылаз лхаҵа иахь
дынхьаԥшит Анҭица.
– Ҟоҳ, исзымдырит, сминауаҭуп, са…
– Иауазеи, иауазеи ауаткагьы аажәхьеит, аҩы ҳамжәуеи,
ишԥақәимыргыло. Уи асасцәа ыҟазар ауп ус аныбҳәаша, ҳа­
ра ҳсасцәоума, – иааиларԥсеит асасцәа. Нас Анҭица аҵәцақәа неишьҭаргыла аҿыналырхеит аныҳәаҿақәа. Асасцәагьы
рҽа­ҵамырхакәа раҵәцақәа ҭарпҟауа иналышьҭалеит.
– Шәышьҭыбжь мыргакәа, убра ашьшьыҳәа акрышәфа.
Аҳы, уара укәтыжьгьы, уахь уабацеи, уи Пыҟьа итәоуп, абыс­
ҭа рдуны, акәтыжь рхәыҷны, ари ббоо, абас ифала, – Мамсыр акәакьаҿы ахәыҷқәа реишәа иахьахаиртәаз дырхагьежьуан.
Ауаџьаҟ иҭагылаз акы хыҵын, ахылҩаԥсылҩа аҽеиԥс­
харчны иҩарылалеит.
– Уанаџьалбеит, уабаҟоу? Зыџьмақәа ҭакны кәашара ицаз
ҳәа, адына ақәыргыланы уара уабацеи, – Анҭица акҿаҩ­
рахьы днаԥшит.
– Уажә ааигәамзи уанақәсыргылаз, иаразнак уԥсы уам­
харацәахан уабацои! – Мамсыр инапқәа хыблаа-ҿыблаа,
иҟә­џьал аақәхны ахыӷәра инықәиргылеит. Инацәкьарақәа
дрыҭәҳәо адулаԥ дынҭаԥшит, инапқәа ахьыблыз зараҟьа
хәшак рхьишьырцы.
– Уабаҟоу уара, ҳаҵәцақәа ахьҭацәу умбаӡои, еи, уара,
уахак умаҵушьа сгәаԥхаӡом…
– Аҩы ара иқәгылоуп, ҳара иҭаҳамҭәои, Анҭица, – иҳәан,
асас аирыӡ ахь инапы наирхеит.
– Иауазеи ҳара иаҳнаҳартә, аԥшәма ара дшыҟоу, –
Анҭица асас инапы аирыӡ амаа иаамылхит.
– Избан шәара ишәнаҳартә, сара ара сшыҟоу, – Мамсыр днархаххын раҵәцақәа аарла аҭаҭын лҩа иалубаауа,
иааирҭәит. «Шәнапы шәымаҵ амуа хыхь иқәтәоу исирбааит», – ҳәа гәаныла «днарықәныҳәаны».
– Ус умун… ус… ыы… ыы… сыкәтыжь Пыҟьа игеит.

– Анҭ еилалеит абааԥс, уабаҟоу уара, ыҟ, – дааицә-кьысит
Анҭица.
– Аа, ара сыҟами, – Мамсыр иикыз ичанах аҟыгәҳәа
акыӷәра ахы инықәирсит, – ишәыхьи уажәы? Пыжьа, уара
удуми, ус зыҟоуҵеи, абар, абар, иҵегьгьы акәтыжь, аҳы, шьҭа
умҵәуан…
– Уи сҭахӡам, сала стәы сиҭааит… ыы…
– Уи сфахьеитеи! – ибыз иқьышә иаақәишьит имгәацәа
ҳәаҟьаӡа Пыҟьа.
– Ифахьеит, излаимаҳхуеи шьҭа, усҭ ари иаҳагьы идууп,
– Мамсыр ахәыҷы дидҳәаҵаланы кәтыжь ҽыҭк идигалеит,
аха иара аԥсраказгьы имуит.
– Сара стәы чанчалахьын, ари сала исҭахым, ыы… ыы…
– Нас уажәыҵәҟьа акәты узысшьуеит, ус уан ахкәацәшәа
абна итәоу дымсааит. (Уи ашьшьыҳәоуп ишиҳәа Мамсыр.)
– Уаау, уаау, нана «ахкәацә», – Пыҟьа акыркыр ааҭир­
геит.
– Шьшь, уҿахы сҳәарын, аха уаанхааит, – иааирҭынчшәа
иуит Мамсыр.
Наҟтәирахь ауада ахәара ааҩнгеит.
– Ееи, уара анахь уамак ҟалеит ҳәа сыҟоуп, угәы ным­
ҩахаӡама?!
«Быбжьы анышә аҵаҟа иҵыҩуандаз». – Аа ара сыҟами,
иҟалазеи ара, – ашә ааимԥаа наҟтәирахь дныҩнашылеит.
Алашара анааиркы, ашылаҭра ду хыршәҭны рҳәа ашыла
аҿатата, фырт-чыртҳәа шьамхахьы иалагылоуп. Уи иақәнагаз
лабак наарханы, «днақәныҳәа-аақәныҳәаны» индәылцаны
ашә ҩкыдиҵоны еиԥш, Анҭица лыбжьы геит:
– Уаха арахь умааиӡои, убналама… ҳаҵәцақәа ҭацәит,
ҳаҵәцақәа, ыҟ… ыҟ… ҳаи, анцәа ишәиааит исыхәласызеи.
– Аа, ара сыҟами, сымнеиуеи, азҩахьаа зжәыша, изфа­
ша, – ибжьы ныҵакны даашәиԥшьиит. Аирыӡ реишәа иаақә­
хны хәба-хәба ирымҵагылаз аҵәцақәа рҭаҭәара дша­ҿыз,
ахәыҷқәа реишәа лыхдыршәҭын, ҳаҳаираҳәа аиқә­ԥара
иалагеит. Агара игараз ахәыҷы аҳаи-чеи бжьы дар­ҿы­
хан, иҩызцәа рахь дыԥшит, урҭ ҳасан-хәсин ҳәа еилан.

Шәеинҟьашьа сыкәашашьоуп иҳәарашәа, иаахиртлеит иаргьы. Мамсыр имахәар хьашьшьаа даарылалеит.
– Ҳаи, џьушьҭ, ыҟ, ҳара ҳаҟны ҳаӷоу дааиааит, ыҟ, ҟәҳәы,
ҟәҳәы, аӡлагара ҳахатәоуп, ыҟ. Хәҩык ахәыҷқәа ҳамоуп,
абарҭ мырҵәуакәа қәнагала избом, ҟәҳәы, закәи, афасааит, исыхәласыз, ауаа бжьҩы-ааҩы рааӡоит, рҟытбжьгьы
удырҳаӡом, ыҟ… – Анҭица лчавра налҿалкит.
***
Мамсыр асасцәа дрыҵагыланы, иганы, цәгьаԥсышьала
еилыхны ириеит. Ахәыҷқәа рҭыԥ иқәиҵеит, ицәеит. Агара­
ҵаршәқәа гәылршәҭаа иӡәӡәаны ауаџьаҟ аԥхьа икнеиҳаит.
Иԥшәма Анҭица дизеилымхызт ус акаруаҭ лҽахьнықәлы­
жьыз аҩны ырхыџхыџуа, ашақә дасуа дыцәан. Ахышәқәа
ааиртит, аҭаҭын лҩеи аӷьфҩи иҵәыҵәматаӷьӡа иҩназ ишь­
ҭрацы. Ичанахқәа иӡәӡәеит, аҩны еилиргеит. Нас игәы кыд­
хынҳәаалаӡо, ишьапқәа днарымго даналага, цәынха-мын­
хақәак днарымцклас-аарымцкласт. Ашарахь еихон, ашьыжь
асасцәа рхәы ҟаҵатәын, ихы нықәиҵарц дааццакит…
– Ҳабаахьоу? – абри аамҭазы аарла лыблақәа аавҵрааит,
ԥхыӡла илбаз аллаҳ идырп.
– Ҳмааикәа, Сҭампыл ҳааихьеит…
– Ыы… Сҭампыл, – дааҟрымҿрымын, дынҭаҳәахаа ашақә
асра дналагахт.
Ииулакь деилыхшәа уны дышьҭеиҵеит. Иаргьы деишәараеиҵараха, уф гәышьа ҳәа ихы нықәиҵеит, агара наиваргыланы. Илацәа нҭаауан еиԥш «ӷәӷә» ҳәа акаруаҭ аҵаҟа
шьҭыбжьқәак геит. Алампа дҩахан дылхәыҵаԥшзар, ҩ-цгәык,
ахәыҷқәа астол анхдыршәҭ икарыжьыз акәтыжь еимырхха икны, рлымҳақәа рықәԥсаны, рҿаҵа шашьас иаҭатәыз
иалацәажәон. «Шәара шәакәын исыгыз», – Мамсыр ацыгәқәа
рҵыхәақәа ааидкыланы даарыхеит. Аха рыҩбагьы еибадырны «атормоз» анадыркы, акаруаҭ аҵаҟа ршьаԥхыц арӷазқәа
цәӷәыхаа иланҵаны, иҩхәыҵиган, индәылирууааит. Аҟыж-

мыж аархгеит адәахьы. Зыҽхтны ахыр-хырҳәа ицәаз иԥҳәыс
ахыза налықәиҵеит.
Иаргьы иблахаҵ ҭууа, алашара ырцәаны днаиеит. Илацәа
нҭаауан еиԥш, игараз ахәыҷы дааҳәыцымыцын аҵымҵым
ааҭиргеит. Алашара ааиркит. Иԥҳәыс лахь днаԥшит, уи
аххыҳәа дшыцәац дыцәан.
– Оо, сара сыԥҳәысымкәа сызшаз укыдыбгааит, – ҳәа
дгәамҵӡаны ибжьы аныҩеиҵих, ацәа даалҵит Мамсыр.
Илақәа ааҟәысҟәысын, адунеи аҿы иҟоу ҳәа акы изымдырӡо,
акраамҭа дышҳазӡа диан. Нас днаԥшы-ааԥшит, ишшарыз
ишахьан.
Абысҭа хаббала иуны ауаџьаҟ иҭакнаҳан. Аҩны цқьакәа­
кәараӡа еилган. Адәахьы ахышә дынкылԥшит. Иԥшәма
Анҭица лыбӷа ырхәаны агәарԥ цәӷәыхаа аԥссара даҿын.
Ахәыҷқәа ҟәбаҟәшәо еихәмаруа, амырхәага хааӡа ирықәԥхо,
ран илышьҭан.
– Ԥу, закәытә ԥхыӡ ҿаасҭоузеи сызлаз, аҩсҭаацәа
ирыхәхааит. Анцәа иџьшьоуп сыԥҳәысны сахьырымшаз, –
Мамсыр иқьышә ачча аақәыххит.
СЫМШАЛА ИХЬЫЗШӘА
– Ҳарҭ иҳаицәоу дыҟоуп ҳәа сгәы иаанагом… Зегьы
ҳреи­цәаҵәҟьоуп ҳара, аиаша ауп исҳәо сара! Уцәама уара?!
– днаигәҭасит зшьапы еилаҵаны ицшьҭаз иҩыза Кадыр.
– Сагьанбацәоз, макьана ахчгьы схы акьымсыцтеи… Из­
хуҳәаауеи?
– Изхысҳәаауа умбои, Кадыр, уаха абра зҩынҩажәа
мшы ҟаҳҵоз, ишудыруа еиԥш, сан лаҳәшьаԥа иоуп, макьана
дымԥсыр ҟаларын, сара соуп дызшьыз… иуаҳауоу? Макьана
дымԥсыр ҟаларын, са сымшалоуп дшыԥсыз.
– Уара иухарагәышьоузеи, Аҳмаҭ, иаџьал ааны дыԥсит,
зегьы џьалк-џьалк ҳамами, имԥсуа аӡәыр дыҟоума, дасу
рлахьынҵа иақәшәауеит. Адунеи усоуп ишыҟоу, аӡәы дшилак дыԥсуеит, аӡәы – дышқәыԥшу, аӡәых, шәкы днархыс­

уеит. Иумбои ҳгәыла ԥҳәыс Низфа шәи-ҩынҩажәа дыр­зааи­
гәоуп, х-биԥарак дырхаануп, абар, мчыбжьык ҵуам лыҷ­
кәын иҷкәын аарлаҳәа аныҟәара иналагаз, дыԥсит, «сара
сыҟамзи, уара аԥшқа иулихзеи зхы лахаша аԥсцәаҳа» ҳәа
амыткәама ҳәо дихатәан, лыла иабом, ллымҳа иаҳауам.
Абас ауп адунеи шыҟоу, баша ирымҳәозаап «арҭ шҿоу амԥа
ҿшәоит» ҳәа. Иаамҭамкәа дыԥсит Манча рыцҳа, ҩыџьа
асабицәа нижьит, рааӡаха имаӡеит. Уи аимҳәаду хәшәы
амаӡами, ирблааите. Ихы дзашьҭамлагәышьеит ахәаша, уара
иухарагәышьоузеи…
– Убри азоуми зегь зысҳәо… Ҳхы агәхьаа ҳкӡом, ҳхы
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04
  • Büleklär
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3393
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2235
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3522
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2433
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3477
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2371
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3475
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2409
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3457
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3453
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2377
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3437
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2347
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3521
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2405
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3501
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2411
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3518
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2339
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3488
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2464
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3407
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2361
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3400
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2367
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 3443
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2427
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 15
    Süzlärneñ gomumi sanı 3471
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2423
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 16
    Süzlärneñ gomumi sanı 3495
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2368
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 17
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2443
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 18
    Süzlärneñ gomumi sanı 3423
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2324
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 19
    Süzlärneñ gomumi sanı 3465
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2420
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20
    Süzlärneñ gomumi sanı 3521
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2424
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21
    Süzlärneñ gomumi sanı 3510
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2252
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 22
    Süzlärneñ gomumi sanı 3488
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2365
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 23
    Süzlärneñ gomumi sanı 3590
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 24
    Süzlärneñ gomumi sanı 3553
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2501
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25
    Süzlärneñ gomumi sanı 3464
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2406
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27
    Süzlärneñ gomumi sanı 3494
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2381
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 28
    Süzlärneñ gomumi sanı 3538
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2034
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 29
    Süzlärneñ gomumi sanı 3418
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2043