LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02
Süzlärneñ gomumi sanı 3522
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2433
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
ҿатәаз гәыбзыӷрала ишеицәажәауа мҩашьауа уажәы-уажәы
рнапқәа ҟьауа гәазырҳагала иччон инхышәҭ-аахышәҭуа.
Арҭ збарҭаз, ари абаҳча уахьҩыҵалоз ҩ-ԥсаҵлак ирыбжьаҟаҵаз атәарҭа иқәтәаз аҳәсахәыҷқәа Ҭинаҭи, Шьазинеи
уажәгьы иеидшыланы рымаӡа иалацәажәон, аӡәы иаҳар ҳәа
ишәауа инаԥшы-ааԥшуа.
– Бара бԥан цәгьазаап, Шьазина, асҵәҟьа бсыздырӡомызт!
– Изузеи сԥан цәгьаны, сара аиаша сҳәоит. Уи иара дыз
лаҟам акгьы сымҳәеит, Ҭинаҭ. Ауаа ирымҳәои, мшәан, ҷкәына
ласык иоуп ҳәа. Шамахамзар, уахыкымзар-уахык аҩны даангылом, акино, акәашара, анахь-арахь ддәықәуп.
– Ишыбдыруа уи аус иуеит, хәылбыҽхала кинок аԥсшьара
аҳасабала ибозар, дкәашозар, рыцҳарас иалоузеи? Насгьы
аԥсшьарҭа ҩны рҿаԥхьа ауп иахьыҟоу, иҩызцәа ахьныҟәауа
иаргьы дныҟәоит. Мшәан, уиаҟара зысҳәозеи, бара боуми
раԥхьаӡа Алықьса сиҭ ҳәа быхәмаруашәа инықәырԥшшәа
исазҳәаз, уажәы ибыҵалеи?
– Исыҵалахи, иҟазшьақәа сгәаԥхом бымбои, жәахатәи
амҽыша ақалақь аҿы ҳанеиқәшәа ахәылбыҽха машьынак
дааҭыҵын, «бааины бҭатәа, ҳнеицныҟәа-ааицныҟәап, кино
сахьак аабап, ҳазхарагьы ҳнеицәажәап» – ҳәа исеиҳәаз
ауп. Уи сара сшиԥхьаӡауа сыздыруам, аха ус изеиҳәалац
иреиҳәалааит, сара ус иҟақәоу среиуам, схы пату ақәысҵоит,
сҭаацәа сырԥхашьар сҭахым. «Мап, ус иҟақәоу среиуам, угәы
уажьоит» анысҳәа, дгәаан аҿывҳәа амашьына дынҭатәан
дсывҟьа дцеит.
– Уи ус беиҳәазаргьы сара исызхаҵом уи гәаанагара
хәашьык игәы иҭакны ибеиҳәеит ҳәа, уи сара цқьа дыздыруеит. Ԥшрала шәшеибадырыз еиԥш, ҟазшьалагьы шәеилибакаарц азы акәхап иззиҳәаз, уажәтәи аҷкәынцәа ус ауми
ишыҟоу.
– Убри аҩызагьы сцәымӷуп, Ҭинаҭ, ԥшрала ҳаибадырзар,
ҳгәаԥхеибашьауазар, нас уаҳа иарбан, аҟазшьа акәушь…
Аа, бымбои, Ҭинаҭ, лахьхьи аҟәара аҽыкәабага маҭәақәа
рышәҵаны ицәыббыл-цәыббылӡа амра ицәиало, анҭ афлыка иақәтәақәаз Закани Таниеи роуми уажәы иӡхыҵны
аҟәара иқәиоу. Ауаа цқьа рыҽддырбозаап, имҽырбои, ус
дара мсааит. Ани шьҭа патус илымоузеи, урҭ ирзырымҳәац
иҟоузеи, аха иԥхашьом. Абар, шьҭа ҩы-шықәса ҵуеит абанс
еицныҟәоижьҭеи, хкыдҟьа лара, ани шьҭа аӡәыр дигома?!
Ақыҭаҿы дырҵаҩшәагьы дыҟоупеи. Иара Закан иакәзар, дагрономуп, ақыҭан пату иқәырҵоит, нас абас дызныҟәозеи?
Ус сҳәеит ҳәагьы иара дхаҵоуп, дылхыччоит, лара лыпату
хнаҽышт акәымзар. Абанс акәзаарын Алықьса дсызныҟәар
шиҭахыз, аха уи аҩыза бзанҵыкгьы изыҟалашам сара сҟны.
– Нас, Шьазина, бара бҳәашьала, анҭ есымша ас еицны
амшын иҭоума?
– Аиеи, хәылбыҽхала русқәа ианрылгалакь акәзаап,
аԥсшьацәа ирҿыԥшшәа амшын ахь иаауеит.
Амра ҭашәахьан, алашьцара иаҿын. Аҽыԥҳәа ацәымза
лашара аакит абаҳча ссир ыҵырлашаауа. Амҩахәасҭа чаԥақәа ирхагылоу ашәаԥыџьаԥ рыбӷьы иаҵәа иалԥханы
икәалыкәаџьауа амҩақәа ирыншылон афымца лашара. Ҭи
наҭи Шьазинеи ахьтәаз ааигәара иҟаз акәашарҭа аҭыԥаҿы,
амузыка абжьы хыркуа иаацәырнагеит. Закан Таниа лӡарапа инапы акәыршаны дхаргьежьуа диркәашауан. Абзиабара
ихнахыз рыблақәа хаа-хаа иччауан, еизгәыкуа еиҿаԥушан.
Таниа лыхцәы жәпа хьаԥштәыла еилыбзаауа лызқәа хызҩози
лбырфын ҵкы шкәакәа лӡара еинаала ианышәаны иӡахызи
лыкәашашьа азыҟанаҵаӡон митәшәа.
– Нас, ани ахсаԥыҭқәа, аҟьала-ԥалацәа ртәы шьҭылхит
ббома, Ҭинаҭ, Таниа – аԥсуа ԥҳәызба, аҷкәын дылгәыдрыз
зала дкәашоит. Рацәа аԥсуара «пату» ақәылҵеит ус лхы
иақәылҵалааит, – Шьазина лхы рҵыс-ҵысуа даҿын Таниа
лцәа лхыхуа лыхцәажәара. Акәашара ахәмарра иалгеит. Закан Таниа лыжәҩа кны русқәа ирылацәажәауа ашьшьыҳәа
абаҳча иныҵысны Таниараа ргәашә инадыглеит. Ахуҳәа Таниараа рла Мура шуа агәашә иладыххылт, аха иштәымуаамыз
анадыр, «ишԥасыхьуаз» – аҳәазшәа иҵыхәаршәшәауа,
иԥхашьа-ԥхаҵауа, иҟрымҿрымуа Закан инаидҳәазала-ааид
ҳәазалауа аҽаарқьақьеит.
– Абзиаразы, – Закан Таниа лнапы ԥшқа инапы ианыз даахан дааигәыдиҳәҳәалт. Таниа ларма напы ашьшьыҳәа Закан ихахәы еиларҳә еиԥхьырттаауа иалан. Мура нарыдҵын
агәашә ахь аҿынанахеит.
Абри аамҭазы, Ҭинаҭгьы дгәырӷьаҵәа Шьазина днаскьа
ганы, ажәабжь ҿыц лыманы дыҿҟьа-ҿҟьауа абаҳча дҩыҵсны,
архәара даахаҵәин Алықьсараа рахь ихаз амҩа днанылт.
«Абри Шьазина Алықьса дисҭоит ҳәа саҿуп, аха лара цқьа
дсыздырӡом, уашьҭан еинымаалауа иалагар исыԥсыхәозеи.
Уаҵәы дара еиқәсыршәоит, ишырҭаху еинаалааит, сара уаҳа
ус сымам», – абас дхәыцуа дцон Ҭинаҭ.
Адырҩаҽны ахәылбыҽха акәын. Амшын аҟәара хьарчхьарчҳәа ԥшьшьала иаваланы инеиуан Закани Таниеи, еивагыланы, маҭәақәак кны. Амшынгьы еилаарцыруа иҵысӡомызт, Закани Таниеи еибырҳәоз иазыӡырҩуазшәа.
Алықьсагьы ихылԥа аҵыс ҭаны дышьҭхысаа дыџьбараха
аҩныҟа дцон… «Ллеишәа шԥацәгьахари, дыԥхашьа-ԥхаҵауа, ҩажәак-хажәак рхы еиқәкны илызҳәом. Амала, маҷк
дԥагьоуп уҳәаратәы дыҟоуп, лцәажәараҟны иагьа илҵәа
хуазаргьы лҭеиҭԥш иаҳәоит, лцәа дамкуа дынҭас-ааҭасуашәа,
лыџьымшьқәа леивых-ҩеивыхуа, лхы рҵыс-ҵысуашәа сеиԥш
дабаҟоу лҳәошәа дныҟәоит, аха егьаурым, снапаҟны дмааир
дабацои. «Аҩны ус сыдмыруӡацт», – ҳәагьы ҳахьцәажәоз акы
налалҵеит, аха нас ихьалыршшахт, ишысгәамԥхаз ангәалҭа,
– абас Алықьса Шьазина длызхәыцуа аҩныҟа дцон.
***
Уи акәхеит, харак имгакәа Алықьса Шьазина дааигеит.
Ари иԥҳәыси иареи аԥсҭазаара ҿыц иалалаз мызкы-ҩымз
рҟынӡа хар рымамкәа ицеит. Уи нахыс Шьазина аколнхарахь аусура налыдырҵеит. Уи лара лабду дызгаз еиԥш
илыԥхьаӡозаарын. Агәамҵ-хамҵра далагеит. Акы лыла иамбауа, еснагь акы зхысҳәаарызеи ҳәа аҩны дныҩналт.
Уахык, Алықьса иусура ахьынтә лассы дзымааит, еизарак
аҵыхәала. Алашьцара иаманакуа ишыҟаз агәарԥ дааҭалан
хаха амаҵурҭахь иҿынеихеит, акы днацҳаразы. Алықьса
игәы иахәашаз акы шиаҳаз мҩашьауа ачча иҿықәыхх иаарццакны аҩны дааҩналт.
– Уабаҟаз, нан Алықьса, арсҟаамҭа? Унзырхазеи? – лҳәан,
иан Асиа зышықәс акыр изфахьаз, аха еснагь дҿоушәа
дхырӡырӡа амаҵ зуаз дҩагылан акҿаҩра дныкҿалеит, ихәы
архиаразы.
– Сабаҟахыз, аизара ҳаман, сааннакылеит. Сан, бгәы иахәаша ак басҳәоит, аҳамҭа сырҭеит, аҳамҭа!
– Иабатәи ҳамҭоузеи, нан, исзеилкаауам?
– Смашьына шәнызқь километр ремонтда иахьсырныҟәаз
азын ҳколнхара ҳамҭас иснаҭеит арадиодкылага.
– Ааи, уан дукәхшааит шаҟа сгәы азурҳазеи, аха арахь
аҭаца хәыҷ лгәы бзиам ирласны акы унацҳа, – лҳәан, ихәы
нықәлыргылеит. Иаргьы афырҳәа акрыфаны дындәылҵит.
Асиа ачанах ӡәӡәара даҿын ҵаҟа амаҵурҭаҿы, ари аԥҳәыс
ажәытәра арыцҳарақәа жәпакы дшырхааныз лҭеиҭԥш иаҳәон, аха аҿатәра илыхьӡаз аамҭа лгәы ҟанаҵон.
Алықьса амҳара ашә аартны дагьыныҩналт, Шьазина
лхыза налықәԥааны, лкасы налыхԥаа, лхы еилажәжәа лиарҭа
днықәтәан ҿаалҭит, лылақәа ырцәгьауа.
– Ас акәзар, сара уаҵәыҵәҟьа стәы-сымаа сыҭ, аҩныҟа
сцоит!
– Аҳыҳ, иҟалахи?
– Иҟалаз уздырам, ыы? Уабаҟаз?
– Аизара ҳаман, аус бзианы изуа ҳәа аҳамҭақәа ҳзыршон.
– Жәаха аизара шәыман, иацуха чмазаҩык ахәшәтәырҭахь
дугон, уаха дырҩегьых аизара шәыман, ус акәу?
– Ҟоҳ! Нан, бычмазаҩуп лҳәан, акәыз џьысшьан, ибыхьц
акәзаап. Сан аҭакәажә рыцҳа дныкҿаҳауа акрура, акырҳәара даҿуп, бара ара ҽырчмазаҩ ҟаҵаны биазаапеи.
– Уан макьана ҳхәы луратәы дыҟоуп, уи лакәым, са ис
ҳәауа урҳа.
– Бара абарҭқәа банбарҟәаҵуеи? Ҳаҩны ахаан ацҭәа
ззымдырӡоз, ацҭәа иагеит, сан сара сахь акгьы лҳәом, аха
дҟәиҭхеит, ацҭәа дабыргазаап. Быҽбырҽеир иаҳа ибзеиӷьуп,
аколнхарахь бҭыҵлар, ақалақь ахь, ақалақь ахь ҳәа бызҿу
набхаршҭны. Насгьы бгәы иаанагазеи бара бышсымоу аҳә
сахәыҷқәа срыцныҟәап ҳәоу? Уи еиԥш апатудара схы иа
ҭәасшьом, ибдыруазааит. Даҽазны ианыбҳәагьы бгәы нсырхоит, иазхоуп, уи аҵыхәала даара акыр бҳәахьеит, – Алықь
са ашә нкыдыжьланы дындәылҵит. Акыр аамҭа агәарԥ аҿы
ихы инапы аҵаргәаны дтәан дхәыцуа.
Ибжьысит акыр аамҭа, иаахт ааԥынра, анхара. Алықьсеи
Шьазинеи ҟазшьала еиқәымшәеит уаҳа, есымшааира абзиабара ирыбжьаз хәыҷы-хәыҷла иӡыҭны ицауан ашьҭамҭа
умбаӡо.
Зны Алықьса иусура ахьтә аҩны данааи ибеит иан аҭа
кәажә дырҩегьых амҿы, амца зегьы лара дшырҿыз.
– Нан, ибылшом уажәшьҭа ԥаса ибылшоз, баҟәыҵ аусура,
шьҭа ҳара бҳааӡоит ҳәа заҟантә ибасҳәахьоузеи?
– Алықьса нан, иҟазҵода изымур, акрышәҿазҵода, аҭа
ца лгәы еиԥшым, дышьҭахуп. – Алықьса иԥсахы еибакны
ашырҳәа аҩны дҩыхәнеит. Шьазина аиарҭа дықәиан апатреҭқәа еидкыла дрыхәаԥшуа, лхаҵа дшылбаз дҩаҵҟьеит.
– Уара ак уасҳәашан, – лҳәан, лыблақәа ҵархәыланы
лхаҵа инаихәаларԥшит, ихаҿ ԥштәы лгәамԥхеит, аха уеизгьы изқәылкыз дналагеит, – даахт иахьагьы абригадир.
Иаха аколнхара аизара аҟны сара сызҵаара ықәгылазаарын,
аколнхарахь сҭымҵыр ада ԥсыхәа амам, ус ирыӡбеит. Абри
гадири сареи ҳаицәҳахын, дмақаруа дцеит. – Алықьса дгы
лоуп дыхшәааны, иԥсахы иаҳа-иаҳа еилалоит.
– Уажәы исыӡбеит иааԥҵәаҵәҟьаны ани уажәраанӡа иуа
сҳәалоз, уаҳагь ԥсыхәа ҳамам, ас ҳара ҳзынхом.
– Изакәи бара уажәраанӡа исабҳәалоз?
– Ақалақь ахь ацара, уаҳа изакәи? – Алықьса дҩеилууаа
дцеит, даалеиҩеин иԥсахы ҷҷауа, нас илақәа ҵархәыланы,
аарла иҽникылауа ҿааиҭит.
– Сан қыҭак зааӡахьаз, данажә лхы дамыхәауа даныҟала,
дааныжьны бара аколнхараҿы аусура бахьацәаашьо азы
ақалақь ахь ҳцону? Бҩызцәа аџьџьаҳәа аус ахьыруа брылагылар ҟамлози, урҭ баҭәабшьаӡом?
– Урҭ аусура иашьцылоуп, уаҳа ирдыруазеи, ҵара рымам,
аҽакым.
– Ҳаи, анҵәа, бара бҵара цәгьа ҳныҟәнамгеи. Баб иҩны
бахьынӡаҟаз аколнхарахь бҭыҵӡомызт, башьа дхантәаҩын
аколнхараҿы, абӷа быман.
– Уи сашьа итәы аҳәара уара иуусӡам, уи дзусҭоу ауаа
ирдыруеит.
– Ауаа ирдырт азоуми деилаххаа дызҭаку ҵыԥх аахыс.
– Ыы!.. Уареи сареи ҳнеибызҭаз Ҭинаҭ лыбз ада кәац
лҿамшәааит. Уи еиӷьу уаҩ дыҟаӡам, дтатаԥшьуп, быртәаны
бныҟәигоит ҳәа сжьаны сышԥалфеи?!
– Баргьы Ҭинаҭгьы шәхы еинышәҟьааит, уи илылаҳхызи,
ҳарҭ аблақәа ҳаманеи. Цқьа ҳаишьцылартә, ҳаилибакаартә
ҳзеибамдырзеи, бҟәиҭ-шәиҭуашәа бҽанысбырба ҭынчк лоуп
сымҳәеи, «ацгәы икьиуа аҵкыс имкьиуа еицәоуп» шырҳәауа
акәзаап. Иртәаны аныҟәгара ҳәа ба бызҿу аамҭа ыиасхьеит,
уажәыгь ибзымдыруеи?!
***
Нанҳәа мзазы акәын. Хәылбыҽханык амш хьыҵәцараха
еилган. Абри аамҭазы, ари абаҳча ссир, хыхь зыӡбахә ҳҳәа
хьоу, иаҵгаз амҩала џьоукы рышьҭыбжь гон аууҳәа.
– Ааи, рацәа уи, башьа дшыҟамыз баны даҳхыччаҵәҟьеит,
игәахы кылиблаарын, аха дабаҟоу акәымзар.
– Бҽаанкылишь бара, уи Алықьса акгьы ихараӡам, изхароу Шьазина лоуп, ҳара ҳауп. Ааӡара лыгҳажьит, – абас
еиҿаԥо иаауан Алықьсараа рҟынтә Шьазина лани лаби рыԥ
ҳа дрыманы, даҽа ԥыҭҩыкгьы рыцны.
– Избан ҳаӡӷаб изылхароу? Маҵурак лиҭандаз ақалақь
аҿы, ҳаӡӷаб ҟәымшәышә-ԥшқарах махәҿала аус уы ҳәа дых
ҭаркит!
– Убри бара боуми зегь зхароу, «аус шԥалҳаруеи ҳаԥшқа
напымыӡәӡәада иаҳамкуа» – ҳәа бысҿагыламзи. Уи дҳаа
ӡеит, ус бхы бааӡааит. Уажәшьҭа аус лыбмыруазар зымбари, ҳаҷкәынгьы дҭакуп, мчыс ибымоу збап. – Абри аамҭазы
арҭ раԥхьа архәарсҭа иаавҵит Закани Таниеи рхәыҷы хы
шықәса зхыҵуа Џыр дрыманы, аҷҷаҳәа иацәажәауа. Шьа
зина лылаԥш нарықәшәеит арҭ инеиуаз, аҳаҷаҳәагьы иса
хьаны лыбла иаахгылеит хышықәса рышьҭахь арҭ амшын
аҟәара ианеицықәиази акәашарҭа аҟны ианыкәашози, иа
гьаалгәалашәеит дышрыхцәажәоз усҟан.
Шьазина арҭ дрыхәаԥшуа акыр аамҭа дгылан дымҵысӡауа.
– Абарҭ роуп аразҟы змоу, – лгәаҵанӡа даақәыԥсычҳаит
Шьазина.
1954
БАДИС АҬЫРАС ААИГЕИТ
Бадис боурак ашшра даҿын аԥхынра дуӡӡак, аӡын ирахә
рԥханы иӷыҵигарц. Ҽаҩраҭагаларагьы ааит Бадисгьы ибоура шшны даалгеит. Аха амықәшәатә иақәшәаз уажәшьҭа
ихыбтәуп ҭырасла игәыдны. Аҭырас ахьыҟоу ԥшаатәуп, уи
зегьы еиқәзыршәода, иашьҭалода…
Мҽышак аҽны, ашьыжь шаанӡа Бадис дмаашьакәа дҩа
гылан аџьармыкь аҟны дцеит. Ақыҭа уаа ашьха ҿаҩахь ақәа
ҵахь уҳәа инхоз ихәҳахәҭқәоз кылсхьан аџьармыкьа аҟны
руардыни ркамбашьи еиҵаҳәаны амҿы, аԥҳә уҳәа рыҭитә
қәа рыманы. Бадис днеин днарылагылт. Иидыруаз аӡәы ди-
бан ибжьы рдуны, егьырҭгьы ираҳартә еиԥш иниқәиргеит:
– Алиас, абааԥс, угәы иҭазишь аҟауар зҭаху аӡәыр дубозар,
зықьҟа ҟауар ршьшьаны иаазган аҩны ишьҭоуп, уардынк
азна аҭырас сзаазго исҭоит, сбоура зласхыбуа смоут умбои,
арахь аӡынра ааигәахоит, сырахә адәы исцәықәхоит, ҳәа.
Ари заҳаз инеихәаԥшы-ааихәаԥшит, нас ԥшьшьаала аӡә
даарылҵын ихы аԥшнымҵацәакәа Бадис дыниалацәҟәын
иҿынеихеит. Бадисгьы «иаҿалт сыҵәгәыр» иҳәан, дынихьӡеит.
– Уаҳа аӡәы иаумҳәан, харак имышьҭыкәа сара иузаазгоит, – иҳәан, днаиахәыҭхәыҭит, аӡәы иаҳар ҳәа дшәаны.
– Е-е-и, ус сзууандаз сумааӡози, нас ара ҳа ҳҟны аҭы-рас
уоуӡом, убрахь шәа шәахь ашьха ашьапахьы даара ирацәоуп,
сузыԥшуп, абааԥс, Манча (Манча ихьӡын) сахьынхогьы абноуп, Бадис дабанхо ҳәа уҵаар зегьы иуарҳәоит.
Абас ала инеидыҵит Бадиси Манчеи. Бадис «иус» ҟаҵаны
аҩныҟа иқәиршәит. Манчагьы ауха ҭаацәа ду рчан еиԥш
аҩны дҩеит. «Гаӡа дыҟамзар аҟәыш иифози» уардынк азна
аҭырас ҳәа зықь ҟауар сиҭоит, «аилымгақәа аумаҷху адунеи
иану», – абас иԥаҵа далаччон Манча.
Мчыбжьыкгьы бжьымсыцызт, Манча акамбашь уардын
еҵаҟаа ҭырасла ирҭәны, ихбыкьуа ашьха ашьапаҟынтә бахәи наареи дырҿысны ааилашәшәымҭазы дҵаа-ԥшаауа
Бадис игәашә данынадгылоз. Манча иҿыҭбжь заҳаз Бадис
игәашә даадгылеит: Бзиала уаабеитгьы мҳәакәа Бадис Манча дшынеиҿаԥшыз еиԥшҵәҟьа ахы ашәира, аԥсы ашәира
далагеит:
– Ҳаи, аԥсра соундаз, ҳаи абри сақәымшәакәа ауаа шыԥсуа сыԥсындаз…
– Иухьи, Бадис, узықәшәазеи?!.
– Ҳаи, ахыкәалаа сгәы изыҵамшәазеи, ари еиԥш уаҩ
дақәшәахьоума?! – Бадис аҽшьра иақәикӡеит.
– Иухьзеи, Бадис, ухаҵами абааԥс, иухьыз умҳәои?! –
Манча ииҳәара издыруам.
– Ҳаи, ари еиԥш ԥхашьара уаҩ дақәшәахьоума… арсҟаамҭа ухабар анызымба, умаауаз џьысшьан даҽаӡәы ис-
ҭеит, – Бадис ауама, акаамеҭ иақәшәаз иеиԥш ихы-иҿы ҟаҵаны Манча днаиҿаԥшит.
Манча маҷк дахьгылаз дымқәацаӡо даанхеит, «Сара исхароуп, ирласны иаазгандаз, ас игаӡоу дзымфара дызусҭада,
даҽаӡәы имгакәа» – ихы инанишьалт ихьыз, нас иуардын
ыҩхарҵҵаланы, агәашә аԥхьаҵәҟьа аҭырас лылажьны,
икамбашьқәа даарысны иҿыҩеихеит аҩныҟа.
Бадис адырҩаҽны ибоура дахагьежьуа аргәыдра даҿын
Манча иҭырас ала.
1957
БАДИС ИЖӘ
– Дахыхтәуп, дахыхтәуп!
– Дамҳәаны дкашәыжь наҟ, ида шәхамшәалааит, ҳа ҳзын
уаҳа иамуӡеитеи, еиԥш убахьоу, уи аӡлагара ианахаҳартәалакь зегь ӷьычрамзар акы иаҿым.
– Дад, ҳа ҳаӡлагара уаҳа иақәым, шаҟаҩы ҳаԥсаххьада,
аха иауам инахатәалакь изы, ҳааҵәақәа пахә-пахәӡа ирҭәны
инаагоит, икьыбжа-кьыбжаӡа иҳаманы ҳаауеит, дыцәцәит уи
Вано, ҳара иаҳхароуп, уажәраанӡагьы дам-ҳәазар акәын.
Абас аууҳәа еилан, аколнхара аизара, аӡлагарахьча иахыхразы.
– Иахаҳартәаша даҳмоур ҳәа ҳшәоу, иҳамами аҭаҳмадацәа, – ҿааиҭит ҭаҳмадак.
– Сара убра аказы сшәыҳәоит, – инапы ҩышьҭихын дҩа
гылеит Бадис. – Даҽаџьоукы ҳазрышьҭалари, са сахашәыр
тәа, аҭаҳмадацәа ирзыжәуазеи.
– Гәаҟрас иумоузеи, умаха-шьаха еибгаӡа уҟәазӡа аӡла
гара уахатәартә, хҩык рыхәҭа ҭугаратә уҟоупеи.
– Уи иашоуп, аха жәык аасхәап ҳәа сгәы иҭоуп иаарласны, уи азакәын изысҳәаз, – иҳәеит Бадис.
1957
БАДИС ИЦАБЛЫКЬ
«Цаблыкь иқыҭа» ҳәа иашьҭан Бадис дахьынхоз ақыҭа.
Бадис 45 шықәса дырҭагылан, уаҩы шәпажәпак, дшышларыз дышлахьан, дҭаацәаран. Ари дахьынхоз икәша-мыкәша
ианакәзаалакь баарраны иҟан. Аԥхын акәыркәа ду аҿынӡа
ацәаакыра аман адгьыл, аӡынгьы даара ҵаак, с-дук ҟамлозар
баарра бааԥсын.
Иааҟәымҵӡакәа асы аԥылы-ԥылыҳәа, ибахҵәаӡа аԥша
еиларҩынтуа иланашьҭуан мчыбжьык аахыс. Шамахамзар,
дгьыл кәамҟьак џьара ицәыҵыԥшуамызт, дгьыли шәаԥы
џьаԥи ибыбшӡа сы хазынала ихҩан.
Ари аӡын аԥсаа рацәан. Ашәчқәа ирылаԥаҭԥаҭо ихыбхыбны ирықәтәон аҳәыҳәқәа, аӡыкәтқәа ҵҩа рымамызт,
еиврыԥх ана ииаҟьон, ара ииаҟьон. Аҟәақ-сақ, аҟәақ-сақ
ҳәа ахысбыжьқәа гон. Аиҳарак Бадис ибаарра асы иаз
хымҩоз иааилашәшәуа ианалагалакь нахыс аибашьра ҟа
лазшәа аҟәҟәаҳәа еиларҵон, убас ацаблыкь рацәаны ашыҩсыҩҳәа ишшаӡа абаарра иаахагьежьны илатәон, нас рԥын
ҵақәа ҵәыз-ҵәызӡа, аҭаҭын еиҭаҳага еиԥш, абаарра ины
ҵаршьшьы…
Бадис ианакәзаалакь абџьари ашәарыцареи дрышьҭаӡамызт азы, аԥсаа ажьы иҩны иҩнаӡамызт.
– Ас уныҵыҵыр, уанаџьалбеит, ухаҵами, уҩызцәа иҟарҵо умбои, шәақьк џьара иаауԥшаар, машәыршәа цаблыкьк
ушьуазаргьы уздыруамеи, ауаа ҳааҵра иааины аԥсаа еимҵәа иргоитеи, – ҳәа дыхҭалкӡеит Бадис иԥшәма ԥҳәыс.
– Урҭ среицәаны схысуа џьыбшьома, аҵыс мҩас абла ан
ҭысҟьоз ыҟан, иара уажәыгьы Бадис иеиԥш ҳхысуандаз ҳәа
ашәарыцацәа ирҳәогьы бмаҳаци?
– Уи, атәыла шурбго ҳамдыруеи, аха уцеи удинаныс, цаблыкьк узшьыргьы еиԥш убахьоу, – лҳәан, илулакь ддәықәылҵеит.
Бадис ишәақь ихарззала ибаарраҿы даннеи цаблыкьк
ацәҟьа ишаҿаз ибеит. Ацәҟьа иаҿыхны иназгар хьӡыс иамоузеи, сеихсны исшьып, ахысбыжьгьы лаҳап, нас ишы-
ԥыруаз исшьит ҳәа ласҳәар ҽыԥныҳәа сылҭарым ҽазынгьы
иҳәан, ацаблыкь днахагыланы агәыз ааҭиргеит, ацаблыкь
ҩышьҭԥраа ихаууала есс абнара иазцеит. «Оԥ, сыҽхәаҵәҟьеит
убоу сыԥшәма лҟны, изқәым иқәым акәым-зар абри ашәақь
инҭҟьаз ашьацма зегьы ацаблыкь дуӡӡа иамаахакәа аҽхәыц
ишԥақәшәоз»,– иҳәан, Бадис дмида-гәидаха аҩныҟа иҿы
наихеит.
1957
МЫКЬЫНИ ЛУКЬЫНИ
Мыкьыни Лукьыни еишьцәан. Ҽнак зны рҭаацәа рыҟамзаара иақәыршәаны, «уаала-саала, ҳҽы арха иахьықәу
икны ҳақәтәаны ҳаҩлап, ҳазбода», – рҳәан, ҷапырхәак
аашьҭырхын еишьҭаԥало ицан, ирулакь гәарабжьарак ибжьацаланы икны, рҷапырхәа наҿаҵаны иаақәтәан ар-ха еиужь
илага илықәырҵеит. Ажәыла ҽы замана ианшы иԥырӡаны
аҩныҟа ахы рханы идәықәлеит аҷкәынцәа аманы. Аиҵбы
Лукьын Мыкьын иӡара ҭырҳәаца иахьику дирхыџхыџуеит:
«Абааԥс ахы уаха, аҩныҟа ҳагар ҳарбар ҳарпҟоит», – ҳәа.
«Ҳарпҟаргьы агьаурымызт, иаҳачҳарын, апҟара иахьа иаабама, уаанӡа ҳазнеиуандаз», – ҳәа Мыкьын аҽы аԥрықәцә
иҽаларԥсны аҷапырхәа дшахоз иааԥҵәеит. Ари Лукьын
иангәеиҭа арҵәаа-арҵәааҳәа дыҳәҳәеит иашьа изы. «Мыкьын, уҽкажь абааԥс, уҽкажь!» – ҳәа. «Узырццаки шьҭа усгьы ҳкамҳар ҳәа ушәоу», – иҳәеит Мыкьын.
1957
АԤҲӘЫС БЗАМЫҞӘ
Ажәытәан иҟаз еибашьрак далахәын абри зыӡбахә ҳамоу аԥҳәыс бзамыҟә лхаҵа Ҭапагә.
Ар иеижәылан еибашьуан, адунеи амца акуан. Аибашьраан ауаҩы дымԥсыр ауам. Ҭапагә илахь ахы аахан дса-
касанҵаны дрыма идәықәлеит иҩызцәа иҩны дыржырц, иан
лылаӷырӡ наиқәҭәаны дылҵәуарц.
Ус ашәы рхьыкәкәа иҩызцәа агәара ианынҭала, Ҭапагә
иԥҳәыс мыжда лхаҵа илахь агәы кылжәаны данынаихәаԥш
арҵәаа ҩыҭлыргеит:
– Унан, ила иааҭашәар сызшьуадаз, агра имгози!.. – ҳәа.
1957
АԤҲАЛ ҞАЗҴАУА АМАА ИАРА
ИАХЬИҬАХУ ИЕИҬОИТ
(Ажәабжь маана)
Ашәарахқәа реиҳабы алым аизара ахьымҩаԥнагоз амшә
иазгәааны амаҵура иалнахит, ианаамҭаз аӷааҵс ахьа-заамгаз
азы. (Маҵурас иамаз есымчыбжьа ӷааҵск аагара акәын).
Ари аизара иалахәыз абгахәыҷы ажәа амхны игылеит;
иҵхәыршәшәеит, иқьақьеит алым аԥхьа:
– Ҳаҭыр ду зқәу ҳнапхагҩы ухаҵкы, уара удырреи умч
дууи еиҳау иҟоузеи мамзаргьы, амҩа ҳазқәуҵо ауп зегьы ҳазну, ианаамҭоу игәаҭаны иукуеит змаҵура агәхьаа
зкым, иаҳҳәап абри амшәгьы ушазныҟәаз иашоуп. Ари
уажәраанӡагьы амаҵура иамхтәын, аӷааҵс аанагоушәаиаанамгоушәа, аиҳабы игәхьаа акӡамкәа, ахы аԥызараны
ауп ишыҟоу. «Знык даҳԥырӡаандаз ҳаиҳ абшәа иҟоу», –
ҳәагьы жәаха ҽнак иаҳәауа исаҳаит, – аҳәан, абгахәыҷы
ажәа ианаалга алым инаҿаԥшит, гәык-ԥсык ала сшузыҟоу
убо аҳәошәа.
– Амшә ахаҭыԥан уара абгахәыҷы уҟасҵоит, уахьынҭыҵуа Ажәеиԥшьаа уирхиалааит, уи ала аизара аркуп ҳәа
исыԥхьаӡоит, – аҳәан, алым аизара ҩаркны иҩагылеит. Амшә
хәымсысӡа, иҭынчӡа зегьы инрылаԥш-аарылаԥшуа ирзы
ӡырҩуа итәаз, ашьшьыҳәа иҩагылан аԥҳал ҟазҵауа иара
иахьиҭаху амаа аиҭоит, ҳаиҳаб ухаҵкы, уара иуҭаху ԥҟар
роуп уеизгьы, – аҳәан, ашьшьыҳәа инрылҵын итәаа-маауа
абнара инылалт.
Еимпит зегьы русқәа рахь.
Абгахәыҷы цеит шәарыцара, аха иақәымҿиеит, Ажәеиԥшьаа ахыламԥшит.
Аҵыхәа цәыххаа, аҟәада ахьшы, аҳәынҵәа ацратата, ала
ахьҭоу умбо, ирыцҳахәха алақәа иаарцеит.
– Ҳаи, рацәа сҵыхәа асахьа бжьышәхит Муреи Хәдыши,
шәаргьы саргьы ҳаибамбондаз аринахысгьы, сара сеибга
сызҩыда, – аҳәон абгахәыҷы, аҵыхәа бабыш ду иамаз уа
жәы ицәыххаа-жьыххаа ашьагәаӡа ахьшы, «ипатудаха»
ианахәаԥшлакь.
«Сыбз ауми сзыхҟьа, амшә рыцҳа амҳәаны илкасыжьт,
уажә сара исылымшо сазкуп, алым усгьы иадыруа ама-ҵура
амхреи аҭареи роуп, иауеи, иауеи абри аҵыхәа ҽе-имхар
ауп», – абас ихәыцуа инеиуан абгахәыҷы. Уа ус абнараҟны акгьы мбакәа ишнеиуаз дәҳәыԥш ҟьаҟьара дук аҟны инкылсит.
Қәауншьҭахь аҳаскьын иаҵәа қақаӡа иҩагылаз шьаҭанкыла
иқәсауа, аԥыжә-ԥыжәҳәа иҳәуа иқәын арахә. Абгахәыҷы
абна ацәыҵараҿы ҵлакы инавагылан даара ирзыԥшит сымч
зықәхаша акрыҟазар ҳәа. Инкылԥш-аакылԥшит, аха ус акгьы
амбеит. Нас алаԥш иааҵашәеит нахьхьи адәы ахьаанҵәоз
цәҟата хәыҷык шавагылаз, ақьышә аӡә дынҭасызшәа инықә
гьежьын ҵаҟа-ҵаҟала абна иаваршәны иазцеит аҽкылӷәаа.
Ацә ҟата егь-хәыҷыҵәҟьамызт, зыцк иихьаз, акәтаӷь еиԥш
икәымпылӡа, ацәа иҭаҟаца бзиа ааӡара шамоу мҩашьауа,
ипаӷәӡа адура аҽазкуа итәҩасуан.
– Иҟасҵари анааџьџьыни, рацәа ӷәӷәак ауп иаргьы, аха
ма ашьҭахьала сҽамырбаӡакәа снеины ашьапы самҵасны
искып, нас иԥап, иҩып, аха иаусмышьҭӡар сҽаларԥсны ишыску иааԥсар икаҳап, нас ахәда ԥызжәап, уаагьы уажә акы
ансылымша алым саџьал арцәгьоит, – аҳәан, абгахәыҷы
ишьҭаианы, адгьыл аҽаҟаратәны алақәа ҟәыс-ҟәысуа иҳәазо
аҿынанахеит ацәҵыс ашьҭахьала. Акыр иазааигәахеит. Нас
арыԥҟьа анԥҟьо еиԥш еиҵас иууаӡа иԥеит, аха ацәҵыс
ашьапы акыха амаӡеит, апҟаҩҳәа иҵыгьны зҿаанархаз
ашьапы абгахәыҷы ахькажьыз иазыҭрысит, аха абгахәыҷы
ҩаҵҟьан ахы еилаҩынтуа, икаҳа-бӷало абна аҽанаҭеит,
аԥсы ацәнагеит. Аџьма имԥсыша амаҵә азылаҟәуеит ҳәа
амҩан аҟит зыхьуаз кәҷышьк акит. Алым аҳҭны иааит абга
хәыҷы ажәеиԥшьаа «дақәныҳәаны». Алым адырра арҭеит
абгахәыҷы шааиз ала. Абар ҩымчыбжьа ҵуан алым шьак
ԥхаҵәы-ԥхаҵәуа иазыгәышьуеижьҭеи – «иаашәышьҭ арахь»,
аҳәан, игәӡажәуа иҩагылт ашьапқәа еимыртаӷа инаргыланы, абыз ақьышә иаақәнашьт, уажә аӷааҵс иахагылоушәа
аҟара агәы алаҟаны. Иааит абгахәыҷы, аха ишԥааи?! Ӡнаашә
кәҷышьк рыцҳахәха, еилаԥыххаа, ахы хьыхәхәа, аӡыԥсы
аҿыҵыкәкәа иаҿыҵакны.
Алым хәааит, иббит, ашәаԥыџьаԥ архыџхыџит, ашәарах
рӡыӡаны еизнагеит. Нас алымҳацәқәа нақәԥсаны, агәаареи,
аԥагьареи, ахдубеиареи ахаҿы иалыжжуа, ахы ҩышьҭԥааны
инарылаԥш-аарылаԥшит.
– Ишәсырбап сара, аиҳабы иҳәатәы анамыгӡара зеиԥшроу, уааскьеишь, уааскьеишь арахь, ҳаҭыр ду зқәу, сылашара абгахәыҷы! – абгахәыҷы ԥсит иахьгылаз.
Акәҷышь иаҿыҵакыз наҿшәан инкашәеит, ахәыжә аҿатата абыз ақьышә иаақәнашьын ашьҭахьҟа инхьаԥшит,
ишәарҭахозар сшлаҵҟьара ҳәа, аха ашьҭахьҵәҟьа амшә
џыхӡа игылан.
– Уааскьеишь сымҳәеи, узгылоузеи? – абжьы аагахт
алым.
– Аах убжьы анышә аҵаҟа иҵыҩуандаз, уу, абар ҳахьҭахаз!.. – аҳәан, иааҳәыҵәы-ҳәыҵәит абгахәыҷы шьҭахьҟа
ихьаҵуа.

амшә, абла цырцырқәа абгахәыҷы ахаҿы наларҟацаны ина
ҿагылан.
Уи акәхеит, алым ашьапажә дуқәа ирылҳәҳәоз ашьапхыцқәа аҳәҳәага еиԥш иҟаз, абгахәыҷы аҟәаҟәа илаланар
ԥан азқәа ацәа ккаӡа илахнаҳәеит. Абгахәыҷы абӷа лац
рыҩрын, ашьҭахьтәи ашьапқәа рҳәазо иаманы абна иаҵәара
инхәыҵашьшьит.
– Ҳаиҳабы ухаҵкы, – амшә абжьы аагеит, акәты иамчу акәҷышь ауп. Абгахәыҷы иалшоз акәты акәын, иаанаге-
ит, уара уоуп иазызк. Аԥҳал ҟазҵауа иара иахьиҭаху амаа
аиҭоит, аха аҵаҟны амаа узамҭозаап.
ШӘАРАХ
Ашьха ашьапаҿы иҟоуп қыҭа хәыҷык Хәаԥ ҳәа. Ари ақыҭа аҩада ахахьы уаҳа уаҩ дынхаӡом, алада амшын ҟьантаз
хара иаҟәыгоуп.
Ари ақыҭа хәыҷ аҿы ауаа даара иаӷаны инхоит. Иналкҩалкны иахьынхақәо агәарԥ хәыҷқәа умбозар, егьырахь
иахьабалакь инеибеиԥшны шәаԥыџьаԥла ихҟьоуп. Ашәҵла ҟьантазқәа унапы рыкәымшо, ажәҩан иаларсушәа
икахәхәа-кахәхәа игылоуп. Ашьха ҳаракқәа рҟынтә анаҟә
иалҟьаз, аҩхаа иҭууаа агәара-гәараҳәа иеилашуа, ашәах
хчыла, ацыԥхь ргыла, абри ақыҭаҿ илбаауеит аӡымҩас
Ӡиқәа. Унацәа нӡааукылар, иарбызбызуеит, ухәы-ужьы аргылоит. Ӡиқәа ашьҭра ҭӷәыхаа, иахьабалакь иубарҭан. Уи
инакәараҵа-аакәараҵо, ашьхақәа иргәылсны иаауеит. Ари
ақыҭа хәыҷы аҿы, иара ахьылбаауа, цаҟьа ӡышьҭраны,
иладараны акыр илашьҭуп, Ӡиқәагьы, сымч зегьы аброуп
иахьысшәаша аҳәошәа, иқәҵәраан иԥырӡаны илеиуан, нас
аӡәы иҿаԥиҟазшәа иҟаз абахә ахшьыра иалҟьаны, ԥшьбахәба саџьан иҵаулоу аӡыжь иҭаҽҽоит. Аԥаҩ уқәгылазар,
аԥхын бжьымра анцеиуагьы, иааузымчҳаратәы уӡаӷькуеит,
убас ихьшәашәароуп уа. Абраҟоуп ааигәа инхо ауаагьы аӡы
ахьырго.
Аӡыжь ахықәан дәҳәыԥш хәыҷык ԥшӡаӡа, аҳаскьын иаҵәа
ахашьшьы иҟоуп. Ԥса-ҵлак амацара икьацәӡа агә-ҭаны игылоуп. Уи аԥса-ҵла ашьапаҿы акыр зхыҵӡо жәытә ҳаҭгәын
хәыҷык ыҟоуп ашәҭқәа ахаԥаны.
Шыцтә лабашьа дук ац аманы ҭаҳмадак аҽыҩҳәа адгьыл илалаирсит. Абраҟа иааиз аҭаҳмада ихҭарԥарқьақьа
шкәакәа ааихихын, ихы инапы аалишьын, илақәа аашанхашәа, саараҟа дышьҭаԥшуа, аԥсаҵла ашьашәыраҿ иҩылыззашәа иҟаз аҳацаҟьа днықәтәеит. Асы иҿанаҳәазшәа
дышлаӡа дыҟан ари ауаҩ ҳаракы. Ижәҩахырқәа ԥхьаҟа
иаазышьҭшәа, ашьауардын ажәҩақәа реиԥш. Икаба шкәакәа дылаҳәаҵа, иҳәынҵәрақәа еиқәных, еибаркын. Иеиқәа
еиқәаҵәа, ираӡны маҟа, иҟама чаԥа, ишьагрын еимаа ҟаԥ
шьқәа ишьапқәа ҭырҳәцаауа, зынӡа еинаалаӡа. Ила агәы
ӷран, иҭбаан, ҭынч ԥшьшьала инаухәаирԥшыр, нас уаҳа акы
уеимҳәаргьы, инубаалон митә зхызгахьоу аӡәы шиакәыз.
Иԥаҵеи, ижакьеи, ихахәи инеибаркны еиужьны, еиларҳәеиларҳәы игәӡаӡа; иԥынҵа агәы аалганы, маҷк иаазыр
хәашәа, иџьымшь жәпақәа амзаҿа еиԥш ирхәаны илахь
аҟьаҟьара иаҵан. Ари ашьха уаҩы, ашьха ҳауа џьбара
зылсны иааӡаз, игәамчи иҭеиҭыԥши рыла дҭаҳмадоуп уҳәо
дыҟамызт, 70-ҟа шықәса дышреиҳазгьы.
– Дад, уи акыр ҵӡоит, шамахамзар уаҩы издыруам, иахаанугьы ҳқыҭаҿы дыҟамзар ҟалап, – абас дналагеит аҭаҳмада илабашьа ныҵакша-ааҵакшо, ҿыцха дыԥшуа.
– Мап, мап, исымоумкын, исызҳәом, угәгьы иалумыр-сын,
– иҳәан, дҩеихеит илабашьа аанкыланы.
– Исызҳәом, убри амаӡа шымаӡоу исымазар иаҳа еиӷьны
исыԥхьаӡоит, ус нарцәыҟагьы изгап.
– Арсҟак угәы ҭаԥҽны измоу ахҭыс зыхҟьаз ауаҩы уара
дузгәакьамкәа дыҟам, дуашьазаргьы акәхап. Исаҳәа, акы
еиԥышмкәа суҳәоит, – инаидысцалеит. Нас маҷк дааиԥхь
хәыцаан, ашьшьыҳәа длатәеит, илабашьа дырҩегьх иныҵакшаны.
– Ишысҳәаз еиԥш, акыр ҵӡоит, дад, ари ҟалеижьҭеи.
Иҟан хаҵа бзиак иԥҳәыси иареи, зыԥсаҭа шкәакәахаша.
Руаҩыбжара инахысаанӡа хшаа дырмоуит, даргьы цәгьала
ихьааргон ҳҵәҩан шьапы ыӡрымашь ҳәа. Ус ишыҟаз ԥҳа
дроуит. Марица зыхьӡырҵаз. Марица хәыҷы мшызҳа илызҳауан деихышәашәо, дҟат-ҟато дҩеиуан акалам еиԥш.
Лыхцәы жәпақәа хара-бӷьара еиларҳәы, лызқәа аҵәахуан.
Лыбла агәы ҭбаақәа еиқәаҵәаӡа ллакыҵа иҵыҷҷаауан,
ишаҟь-шаҟьо инаулаланы, уааимданы, угәы иҭоу зегь дырны, иуҿагәыбзыӷуа иуеиҽырбон, даныччоз, лхаԥыц ҟәараш
ссақәа еиврыԥхаа иаацәырҵуан, аҵаҵмыџь хышәҭ, мам-
заргьы агьыл-шәҭы анааптуа иаҩызаха. Лӡамҩақәа ҭҭәаан
еилԥхаауа, ашәра иалагаз аҵәахаҳа еиԥш.
Ажәабжь ҳәара иаҿыз аҭаҳмада араҟа маҷк даанҿасын,
дӡыҩӡа дыԥшуан, аҽҽаҳәа Ӡиқәа аӡы ахьҭаҽҽоз ахь ихы
рханы.
– Марица хәыҷы агәамч ӷәӷәеи аԥсҭазаара абзиабареи
шлымаз лхы-лҿы иунарбон, – деиҭаналагеит ажәабжьҳәаҩ
ибжьы аармаҷны, – жәиԥшь шықәса днарҭагылт ари ашьха ԥагьақәа рҭыԥҳа. Лҵкы еиқәаҵәеи, лбырфын кәафҭа
шкәакәеи, лыхцәы хьаԥштәыла еиларҳәқәеи, лӡара-па еихытаруа, лгәышԥы ааҭыго аҽырҽеира иаҿызи, лшьапқәа
ахырҭәага еиԥш еиқәшәаны, дыссирха дудырбон. Арацәа
ххыра иаҩызаз лыбла ҟәиҭқәа наухәалырԥшыр, акы наулаҵәон, анахь укыдҟьо, арахь укыдҟьо. Амшын цәқәырԥа
еилашыра иалашәаз аҭәыц уаҩызаха, мчы умамкәа, иуҳәо
уақәымшәо, иууа узымдыруа, зны-зынла агаӡа ԥшра аахәан,
уажәақәа дук ҟәышрак рылаӡамкәа уаақәлырхон абри гәаԥ
харала днаухәаԥшыр. Лхы аҟнытә лшьапы аҟынӡа леиҿкаа
шьала ари дыжәҩантәуп, аԥырроуп дзызку ҳәа угәы иаа
нагарын. Лҽаарҭынчны ҳамҭакы џьара дызгыломызт, дшаҟьшаҟьон, дҳәыҵәы-ҳәыҵәуан, згәы зҽанӡамкәа ашәарыцацәа
ирылашәаз ашьабсҭа хәыҷы еиԥш. Абна наҟтәирахь акәын
лара дахьынхоз, – аҭаҳмада илабашьа нархханы снахәаир
ԥшит иқьаԥҭажәхахьаз, ԥсҭазаарак зламыз ҭыӡ-ҭыԥк. Анкьа
зны аӡә дынхон уҳәаратәы, ицәыҩҩажә-цәыҩҩажәӡа аҵыҭәа
рықәышьшьы ишьҭан аҩны ашьапы злаҟаҵаз ахаҳә дуқәа,
баҟара руашәа. – Абни агәарԥ, иубо бӷьыцк ықәыршәымкәа
икәеикәеиуа, ашьац кашьшьы, ухәы ықәҵан иуфаратәы илыман Марица, уажәы ишыҟоу убоит. Есшьыжьи хәылбыҽхеи
абра Ӡиқәа дааны, лыԥҳали лгәыгәыми рыла аӡыхь таны
илыма дцон уи. Жәаф шықәса ирҭагылаз ахьча Шәарах, есшьыжьи хәылбыҽхеи аҭауад Уаҭарбеи иԥсаса дызцыз иманы
Ӡиқәа дылбаауан. Ашьыжь иагьарааны Марица ӡаагара дмааиргьы, абра дӡыхгылан, иҿы ӡәӡәо инапы ӡәӡәо дӡаӷькны.
«Шьыжьбзиа, Марица!» «Бзиа убааит, Шәарах!» «Хәылбзиа,
Марица!» «Бзиа убааит, Шәарах!» Абри акәын абри арԥызбеи
аԥҳәызбеи ирыбжьаз.
Шәарах ацәа иааимнахаанӡа дхәыцуан, уаҵәы Марица
иласҳәаша ҳәа, ажәа ԥшӡақәа, ажәа ҟәышқәа еиқәыԥхьаӡо, аха ашьыжь лыбла хкыгақәа данынархыԥшылалакь,
шьыжьбзиа ҳәа налаҳәаны дыццакуа ашырҳәа иҿыҩеи-хон
ирахә рахь. Нас хәлаанӡа акы изаԥсаӡамыз Уаҭарбеи ирахә
има аԥсҭа дҭан ихьчала ду Бардан иваргьежьуа. Абас мацара игәыԥҵәагаз аамҭа ихигон Шәарах. Шәарах ила Бардан
иаҳа агәаӷьра аман иара иаасҭа, шьыжьи хәылбыҽхеи Ӡиқәа
ахықәаҿ иахьлеиуаз Марица илышь-цылан илгәыдԥалон,
иҟрым-ҿрымуа, Шәарах дыԥхашьоит, аха игәы иҭоу сара
ибасҳәап аҳәозшәа. Марицагьы уи Шәарах иахьитәу азы ахы
шьшьуа, иргәыбзыӷуа, иныҵакшәа Шәарах иахь днаԥшлон
«иухьзеи абааԥсы, ухаҵами» лҳәошәа, нас рылаԥшқәа
анааиқәшәалакь Шәарах днеилууаа дцон, ашацаҳәа дҩаҵ
ҟьаны, ила иманы ирахә рахь иҿыҩеихауан. Марицагьы
маҷк дааԥышәарччаны, лыԥҳал лыжәҩа инықәыргыланы

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03
- Büleklär
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3393Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22350.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3522Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24330.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3477Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23710.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3475Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3457Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3453Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23770.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3437Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23470.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3521Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24050.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3501Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24110.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3518Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23390.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3407Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23610.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3400Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23670.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3443Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24270.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 15Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3471Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24230.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 16Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3495Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23680.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 17Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 18Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3423Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 19Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3465Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24200.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 20Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3521Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24240.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 21Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3510Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22520.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 22Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3488Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23650.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 23Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3590Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 24Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3553Unikal süzlärneñ gomumi sanı 25010.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 25Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3464Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 26Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3440Unikal süzlärneñ gomumi sanı 24060.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 27Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3494Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23810.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 28Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3538Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20340.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом - 29Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3418Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20430.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.