LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 13
Süzlärneñ gomumi sanı 3374
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
О, иџьабогьы ашәы ршәуп,
иҵәуагьы шәыла ишәуп...
Аиқәаҵәа-шәы рацәахеит,
имаҷхеит амаҭәа шкәакәа.
Анду ҧҳәыск лышҟа днеихеит:
– Бышҧаҟоу бара, Кәакәа?
Иабаҟоу бхәыҷқәа?..
– Ҳаи; нан!
Шәхәыҷуп уҳәар – ируама?!
Иуҳәеит ҳәа – ираҳауама?! –
Ицеит зегь ахьцоз даргьы:
рабгьы, ихәыҷқәагьы.
Бҭацагьы дызбоит, абар..
Иҟоузеи?.. Ба бтәқәа рхабар?
– Издыруада, издыр, Кәакәа,
ҳхәыҷы дцо-даауа дыбжьоуп...
– Ҵыс лхәыҷы дааргеит дҟәаҟәан,
ишьапыдоу шьҭа дыбжоуп...
– Ахаасқәа ҳзықәдыршәазеи, нан!
Асҵәҟьа убахьоу?!. Ҳаҕеиҭа,
Иуааӡами, илхымшаӡеи ан?
Ма игыгшәыгхама еиҭа?..
– Ах, ибымҳәан! Ибымҳәан,
иаасгәалашәар – сыҧжәоит!
Иҳамбеи, нцәа дрымаӡам, нан,
нцәа дызмоу – инцәа дицәшәоит.
«Ҳаҷкәынцәа ҳзаарышьҭуеит ишьны
хәыҷ гәарҭак жәҩанаҿ ирыблит.
Сгәы ҭнашьааҵәҟьеит уи, саршәит,
ҵәуароуп сызҿу, схала стәаны.
Ах, сажәызаап... Сажәит, сажәит!
Сызрылаҧшрыз арҭқәа зегь сара,
уаҵәы инхықәгыло адамра?!
Ҳаи, Анцәа! Анцәа! Иаҳҳәеит ҳәа
ҳаухашҭма, зынӡа?
Жәларык зегьы еицҿак иҳәҳәеит ҳәа;
уазхьамҧшырцу рлахьынҵа?!» –
Дгәамҵуеит анду есымша:
зны – лынцәа изы, зны – лхазы.
Лажәақәа налаӡуеит аҧша,
нас лхәыцрақәа дыргоит хазы.
Дахьырго ларгьы илыздырӡом.
Данаарго?.. Уигьы лыздырӡом.
Анду илыздырӡом акгьы:
данбзоугьы, данҧсуагьы.
Амыткәма-бжьы рыцҭыҵит ашҭа.
Амыткәма-бжьы раҧхьаҟа ицеит.
О, Анцәа! Рхала џьаргьы иашьҭуам,
иҭблаауа, ргәаҵа инаӡеит.
Зны – ирыбжьагыланы ицоит,
зны – раҧхьа игыланы ицоит,
ҳацәцеит шырҳәо – инарыхьӡоит,
ргәаҵа иҭаланы, аҽаӡоит.
Избан изрыдҷаблаз дара?
Избан ла ҟьалаҵас изрышьҭоу?
Издыруада ҧхьаҟа ирзышьҭоу?
О, маӡак ыҟамзааит ара?!.
– Маҷк иааҳарццакып, нан,
ҳамшгьы ҽнак шәынтә еилашәоит. –
Анду лгәалақәа зегь еизан,
акы даршәоит, ҽакы дацәшәоит:
«Агәырҩа дәықәуп, абла хҩаны,
иаҿаҳаз – дхәаҽны дашьуеит!
Ҧхьа инеины, илатәар ҳаҩны,
ҳаҕеиҭа, даҽа знык ҳаҧсуеит!»
VII
Анду лхаҵа деибашьуеит,
анду лыҷкәын деибашьуеит,
уахь деихоит анду лмаҭагь,
уахь дыҧшуеит анду лҭацагь...
«Иҟалазеи, мшәан, нҵәароума:
ана – аҧсра, ара – аҧсра!
Аҧсцәаҳа иҭыҧгьы ароума,
избан, ҳзыхҭеикзеи уи ҳара?
Избан, избан?.. Аҭак ҟазҵода?
Аиаша абаҟоу?.. Ҳаилзыргода?..
Ҳашьцәа ҳәа ҳазхәаҧшуаз иацы,
иахьа иҳақәлеит ҳаршьрацы:
ақырҭцәагьы ҳара иҳабашьуеит,
агырцәагьы ҳара иҳабашьуеит,
ашәанцәагьы ҳара иҳабашьуеит,
аҷоуцәагьы ҳара иҳабашьуеит...
Нан, зегь сгәалашәоит саргьы:
...Бериа дрыханы иааигеит,
араҟа ишеиҕьыз нас ирбеит...
Нан, урҭқәа сгәалашәоит зегьы:
«шәынха» ҳҳәан –
ҳадгьыл раҳҭеит,
«шәынҵы» ҳҳәан –
ҳацәқәа раҳҭеит,
«ҳаишьцәоуп» рҳәан –
«ааи» ҳҳәеит,
«ҳаицынхап» рҳәан –
«бзиоуп» ҳҳәеит,
иахьа шәҳамбааит ҳәа иҳәҳәеит,
«ари ҳа ҳадгьыл ауп» рҳәеит,
абџьар шьҭыхны иаҳҿагылт,
ирфаз ҳчеиџьыка иаҕрагылт,
ацәа дырцәгьеит ҳадгьыл, ҳашҭа...
О, ирхашҭит, зегьы рхашҭит!..»
***
«Ауаагьы уаҩрак рызхом,
адунеигьы ацәа иҭалеит.
Гәылеи гәылеи ҭынч инхом,
ишьыцеибакны еишьҭалеит.»
***
«Џьоук цәыцәын – рҭыҩра иҭыҵит,
џьоук цәыцәын – раҕәра рҿыҵит:
рхатәы рызхом, атәым иашьҭоуп,
урҭ тәымла ачара иашьцылт.
Ирыздырӡом, атәым зҩахоит,
даргьы агоит, рмалгьы нхоит.
Ҳаи, Анцәа! Акгьы умбаӡои?
Уара уажәагь умҳәаӡои?..»
***
Нас ажәабжь иман дааит лмаҭа,
нас дкылҟьа дааит анду лҧагьы.
Уи ллаҧықәшәа гәыҕрак лнаҭон,
аха абду дыҟам иахьагьы.
Уи дшизыҧшыз – лыҷкәын дцеит,
шьҭа лмаҭагьы дишьҭалап лассы.
Илылшоз ҟалҵеит – илааӡеит,
ан ҽыҧныҳәак лымам уи азы.
«Шьҭа рхы иақәиҭуп урҭ. Шьҭа
иртәуп рыжәлар, излоу ауаа...»
Дтәоуп анду, дыҧшуеит еиҭа,
дыҳәҳәар лҭахуп, лыбжьы иауам.
«Ҭаҳмадак дсыман... Џьа дыжәбазар?
Имаџьар кны, еибашьра дцан...
О, Анцәа! Анцәа!.. Иҧсы ҭазар,
дмаар иуамызт, нан!..»
Кәтол дыҟан, Ҧақәашь дыҟан,
Тҟәарчал дырбеит зынгьы:
«Апартизанцәа дрыцны дныҟәон,
«Ҳабду» ҳәа иарҳәон урҭ зегьы...»
Нас Арасаӡыхь дырбеит џьоукы,
егьырҭ: «Мап, дыҟан уи Аҭара,
апартизанцәа дрылан... Шлакы,
аха еилҟьак, иҭҕәыцәаа иӡара!»
Зны дырбеит уи Џьгьардагь:
«Абду» ҳәа иарҳәон, хаҵа аукы.
Аха усҟан дыҟан уи маџьарда –
иавтомат цырцыруа икын...»
«Мап, иҳәеит егьи, ҽаӡәы,
сара дызбеит Ешыра,
далагылоуп амца шыра...
Уахь саргьы сцоит уаҵәы.
Са издыруеит, «Абду» дыҟоуп!
Ибзеилыскаап ижәла, ихьыӡ,
дзынҟьаз-дзынҧаз, ихьыз,
дзымаауагьы уи аҩныҟа», –
абас иҳәан, уигьы дцеит.
Дцан – уаҳагьы дмааӡеит.
Тҟәарчалтәик дылбар –
диазҵаауеит,
Очамчыратәик дылбар –
диазҵаауеит,
Гагрантә иаазгьы
диазҵаауеит,
илбо зегьы дразҵаауеит: «Ҳаит,
дыӡит, иӡбахәк ма исмаҳаит!
Дцан – дцаӡеит, харак дагеит.
Дагаӡеит... Махык дагеит.»
Анду дҭынчым, анду дшәоит,
аҳәса рхала аҩны иаанхеит.
Аҧсра! Аҧсра!
Аиааира харахеит!
Ла лтәала зегь лзоит, илшәоит,
лыгәгьы иаҳәеит, ла лынцәа:
«Икамҭәеит баша ахацәа ршьа,
ирыхьчеит рыдгьыл, ртәыла-шьам!
Иӡуеит ӡыбна зҭыҧу ҳаҕацәа,
нас ҳамрагь гылоит илашо,
иббап зегь гәырҕьо, икәашо!»
«Шьҭа шықәсыбжак ҵуеит, абар,
Исыздырӡом уи ихабарк.
Нан, џьара дыжәбазар уа?..
Ирҳәеит: уаҟагь деибашьуан...»
***
Аеҵә цәырҵит иаха зны,
аҵаа иаршәит ҳаӡгьы.
Амра кылҧхеит иахьа зны,
иаацырцырт ҳасгьы.
Изызку аздырӡом уи,
Башаӡа ҩада иҧшуеит –
иҩарны ицоит, исырӡуп уи,
хыхь иин, ҵаҟа иҧсуеит.
Изгылом уаҳа, иҭахоит,
анышә иафоит ҳара ҳсы.
Ибналоит аӡын, ҳамра ҧхоит.
ааҧнуп иҟоу ҳара ҳзы.
Ааҧын, ааҧын! Ҳгәазырҳага,
аҧсабара зегь зырҿыхо!
Ааҧын, ааҧын! Ҳаҧсҭаҵага,
ҳҿара-қәыҧшра аҽыхәа!
Уццакы.! Уааи уласны!
Уа иузыҧшуп зегьы:
сыжәлар, стәыла, са с-Аҧсны,
суҧылоит уа саргьы.
Ҧеруал, 1993
Аҟәа
«САЖӘА САШЬҬОУП, САШӘА САШЬҬОУП»...
Аҩра зылшо, зхатә ҩышьа змоу, насгьы ҧхьаҟа ауаҩы
дзықәгәыҕша аҧсуа поетцәа ҿарацәа дреиуоуп ажәеинраалақәа
реизга «Ицоит апҟақәа халаны!» автор Сарион Ҭаркьыл.
Апоет ҿа абри аҩбатәи ишәҟәы агәра унаргоит арҿиара
агәахәара иманы аус шиуа. Аха уи ирццакны акәымкәа, имҩым
ҭақәа дрыцклаҧшны ауп акьыҧхь ахь ишцәыриго. Аҧхьаҩ
цәагьы ргәы изҭоуп, иажәеинраалақәа ирызҿлымҳауп.
Ҿыц иҭыҵыз ишәҟәы аҧхьажәа хәыҷ иацу ишаҳәо еиҧш,
Сарион Ҭаркьыл аҧсуа поетцәа рабиҧара қәыҧш даҵанакуеит. Иажәеинраалақәа ирыҧхьо, ирызхәыцуа игәеимҭар залшом апоезиаҿы зхатә бжьы, зхатә мҩа змазарц иҧшаауа аӡәы
шиакәу. Уи иҭахуп ихатә шәыгақәа, ихатә ҳәашьақәа, ихатә
мҳәыр. Аха иазгәаҭатәуп апоет қәыҧш абри ихатәы аҧшаараҿы
макьанатә илиршахьоугьы ҟәнушьартә ишыҟам. Иаҧиҵахьоу
(ирыгу ыҟазаргьы) имҩашьо ирҳәоит уи алитератураҿы амҩа
бзиа, амҩа иаша дшану.
Сарион Ҭаркьыл ихәыцуа, зылаҧш ҵару, арҿиаратә интеллект знубаало поет ҿоуп. Уи ицәаҩам митәык изааигәам, изымдыруа афақтқәа, атемақәа рылацәажәара.
Сара сгәанала, уи итематикаҿы хадара ауеит иахьатәи
аҧсуа қыҭа аҧсҭазаара. Апоет раҧхьа иҭижьиз ашәҟәы хәыҷгьы
машәыршақә иахьӡимҵеит «Ақыҭантә саауеит» ҳәа. Убри ақыҭа
ахыҧшақәа иҵегьы ихаҭәааны, иҵегьы иарнҵауланы аҩбатәи
ашәҟәы аҿгьы иаабоит.
Аизга «Ицоит апҟақәа халаны!» аатуеит ажәеинраала
«Аҽыжәлара» ала. Ари, ҳәарада, аҽыжәлараҵәҟьа иазкым, еи
ҭарсны, арҿиаратә ус ахь иҧшуа иҟаҵоу жәеинраалоуп. Апоет
ибзианы идыруеит арҿиаратә ус аҭакҧхықәра ду зҭаху ак шакәу,
насгьы зегьы ишрынасыҧымхо. Уи иҧсҭазаараҿ илихыз амҩа
дақәгәыҕуа, ижәлар гәакьа ихы рықәкны иҳәоит «Шәымшәан
сара сзы» ҳәа. Уи еиликаауеит асовет поет изы аҵхгьы шымшу,
амшгьы шымшу, ажәакала, разҟыла ишҩычоу ирҿиаратә усура.
Автор ажәақәаҵәҟьагьы иарҳәоит ҧхьаҟа уцароуп ҳәа. Ҳазҿу
аҩымҭа аанарҧшуеит апоет қәыҧш арҿиаратә ус дшазыҟоу,
аӡәы диҽхьынтәаларц шиҭахым, ихала аҽыжәлара шилшо.
Алитератураҿы ахала аҽыжәлара ахшыҩҵак апоет иҵегь ирҭ
баауеит, ирҵаулоит, аҧхьаҩ дархәыцыртә иаҳирбоит аҩымҭа
«Амҩантәи ахәыцрақәа», «Амҩаҿы» рҟны. Ажәеинраала «Ам
ҩантәи ахәыцрақәа» аҿы апоет Лакоба имҩала дааҧса-дкараха
ахәылбыҽха хәыцрала дыҭәны днеиуеит. Уи иҧылоит изымдыр
уа ауаа, иаҳауеит изымдыруа абызшәақәа. Абри аминуҭ азгьы
(иусура далганы иҩныҟа дахьцо) апоет игәы иҭыхоит, ҭаха
ирҭом ауаа рыжәпара иалсны, иааҧсара иаиааины иааидгыло
азҵаарақәа: «Иулшаз ҳарба! Иҟоуҵаз ҳарба! Ухаҵами уаргьы!..»
Иаргьы иҟаиҵоит аҭак: «Ишәасҳәари, ишҧашәасҳәари?.. / Иҟа
сымҵацт акагьы... / Аха сгәыҕуеит иҟасҵап ҳәа, / Уи азами изҭоу
сыҧсы!»
Ажәеинраала аҩышьа формагьы бзиоуп, ҩба-ҩба ицо ацәа
ҳәақәа рыла еихышәшәо, иласӡа, уҿаҿы иааиуа еиҿартәоуп.
Амала, 21-тәи ацәаҳәа анҵәамҭаҿы «слымҳа ирыгхазшәа саргьы» аҭыҧан иҟазҭгьы еиҕьын «слымҳақәа» ҳәа, уажәы излаҟоу
ала, ажәақәа еиқәыршаҳаҭым.
Ажәеинраала «Амҩаҿы» иҩуеит: «Аҧсадгьыл иаҭахуп ашәа
қәа, иаҭахуп махәҿала акрура».
Автор лымкаала дазгәдууеит, илитературатә мҩаҿы иа
гьицхраауеит, агәашьамхы ҕәҕәа инаҭоит иабацәа рыдгьыл,
игәыхәтәы дахьӡаны, иашәабжьы акаҩҳәа иқәыҩуа иахьыҟоу.
Уи иҩуеит:
Шәылымкаа исҭахым разҟык,
Шәылымкаа исҭахым насыҧкгьы,
Шәыҟанаҵ – сыҟоуп шәа шәҟны,
Изалшом сҟаларц снасыҧданы.
Автор иҩызцәа реиҧш иаргьы, ижәлар гәакьа рылымкаа
даҽа насыҧк, даркьаҭозаргьы, иҭахӡам. Урҭ рхьаа, ргәырҕьара
далоуп, ирыцеиҩишоит, иҭахуп иҟанаҵы дыҟазаргьы. Уи заманала идыруеит ажәлар ргәы аҿы анеира ишмариа усым. Убри
азоуп иагьзиҳәо: «Аха сгәы ак ҭыхоит, сырҳәацәо: Исылша-
ру? – шәгәы аҿы снаӡароуп». Амариа иашьҭам апоетцәа. Урҭ
рыҧсҭазаара инеиҧынкыланы иугозар, иуадаҩроуп, ишьхароуп, иҟәаҧа-ҿаҧароуп, еибаха-еибафароуп, қәҧароуп.
Аҧсуа литератураҿы 20–40-тәи ашықәсқәа раан ақыҭа аҭа
гылазаашьа аҽаҧсахит. Ҳлитература ақалақьтә ҧсҭазаарагьы
иамҽханакуа иалагеит. Уи ибзиоу усуп. Аха иҟоуп даҽакгьы.
Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа, апоетцәа (иҿарацәоугьы, урҭ иреиҳаб
цәоугьы) рыбжеиҳараҩӡак ақыҭа иалҵыз роуп, аха амаҵура
иалоуп ақалақьқәа рҿы, ҷыдала Аҟәа инхоит, инҵуеит. Убри
аҟнытә ақыҭа иагьа иаларсызаргьы, уахь ицауазаргьы, иаауазаргьы, иахьеи-уахеи уа имҩаҧысуа ахҭысқәа, аҧсҭазаара аилашыра иацәыхароуп. Убри азы акәхап аҧсуа шәҟәыҩҩцәа,
апоетцәа ҿарацәа ҧыҭҩык рҩымҭақәа (ҷыдала ақыҭа аҧсҭазаара
иазку) зны-зынла иахьынӡахәҭоу аҧсҭазаара аҵабырг аарҧшра
зрыгу. Урҭ уанрыҧхьо, рыгәра узымго аҟынӡа алак-ҩакра
уҭадыргылоит.
Абарҭқәа зхысҳәаауа Сарион Ҭаркьыл иоуп. Уи абри аганахь иҩызцәа апоетцәа ҿарацәа дызлареиҕьу ыҟоуп. Сарион
Ҭаркьыл ипоезиаҿы иҧхаӡа иааирҧшуеит ақыҭа дшазыҟоу.
Иахьизааигәоу адунеи ала ҳалаирҧшуеит зегьы бзиа иаабо,
ҳахәнацәак реиҧш иаадыруа, ҳазхылҵыз, ҳзааӡаз, аҧсҭазаараҿ
ҳҟырҟы зырхәыхәыз ақыҭа! Аратәи аҧсабара ссир аҧшӡара,
абеиара аҧхӡы азказҭәо, аус зуа – аа, апоет иашәақәа ҧсыс ирхоу, агәышьамхы рызҭо.
Иааҳгап цәаҳәақәак ажәеинраала «Ақыҭа» аҟнытә:
Адгьыл шьҭоуп еиҩырсса,
Аҵиаа дәықәлоит ииаҵәаӡа,
Ашьыжь аӡаӡа аҿассы,
Иҿыхеит абла ҟаҧшьӡа.
Мамзаргьы:
Аҵх ара зынӡа иҿыхоит,
Аха амш ахаангьы ицәарсысуам.
Автор идыруеит анхаҩ гәыраз ҧшәымас дызмоу адгьыл
шышәҭуа, ҵҩа змам амал шазыҧшу. Апоет ицәыриго асахьақәа
иузааигәаны иудукылартә ухы-угәаҿы инхоит. Ақыҭа ҧсҭазаара
цәарсысуам, еснагь еиҿыхарыла, еиҳарак, махәҿалатәи аусурала иҭәуп. Аџьа араҟа иаҧшәымоуп, аҧсҭазаара иахыҵхырҭоуп,
иамшхәбзазароуп!
Амала, угәы еихьнашьуеит абри ажәеинраала ҟаимаҭ ахҧатәи
акуплет автор анапы ахьицәагхаз. Уи илшон, иагьихәҭан
иҵегьгьы игәылыршәаны иҟаиҵарц абарҭ ацәаҳәақәа:
Ацәмаҭәа цәаҳәа-цәаҳәала,
Адгьыл ианнаҵоит аепопеиа,
Иҭәырц ибарақьаҭу ҽаҩрала
Сыжәлар рцақәа пеи-пеиуа.
Ҵабыргуп, «ипеи-пеиуа», «аепопеиа» рифма ҿыцқәазаргьы
ҟалап, аха «еизыразны» абраҟа ҩызара рзеибауамшәа збоит.
Насгьы, уажәшьҭа аҧсуа қыҭақәа рҿы цәаҕәагас, нхагас ацә
маҭәа рхы иадырхәом.
Ақыҭа аҧсҭазаара иазкуп ажәеинраала «Аџьықәреи иазхтәуп аҟамагьы». Уи ҳалаҧш излаҵашәаша ашәыга заманақәа
рыла ҳаланарҧшуеит ҭагалара иаҿу ақыҭа барақьаҭ. Уи аҧшӡа
реи абеиареи дрызгәдууа, апоет иҩуеит:
Зегь рыла, сыдгьыл, убарақьаҭуп,
Цәгьаӡа убарақьаҭуп, убарақьаҭ!
Узтәу аҧсуа имца ахаангьы икьаҭом –
Даҧшәымоуп атәыла-џьанаҭ.
Аха абраҟагьы иуҧылоит ииашамкәа ахархәара зызуу
ажәақәа. Иаагап аҿырҧштәқәа: «Аџьықәреи иаҭахуп аҟама, /
Ашьапы шәпа унапы захьӡом». Аџьықәреи анҭаргало, аҧҳә
андырхуа, избан аҟама зырхиатәу, уи азы мыруга маҭәахәыс
амагана еиқәхаҧс анхаҩы ианимоу! Ҟамала аҧҳә дырхуам.
Аҟама бџьаруп, аҧсуа маҭәа зшәызҵо изы ирҧшӡагоуп! Насгьы, ашәпаразы «унапы захьӡом» аҵкьыс «унапы акәшом,
иамҟәыҵаӡом» иҳәазҭгьы еиҳа ииашахон. Иара убас автор
узиқәшаҳаҭхом, «ажьамжәа адгьыл еиҟәнажәап» ҳәа ахьи
ҳәауа.
Ҭагалантәи асахьақәа роуп ажәеинраалақәа «Ҭагалара»,
«Ашьха иқәнаҵеит асы» иаҳдырбауагьы.
Ҭагалара аҵоуп амҵәышә, акалаҭ,
Сыжәлар иҭаргалоит аҽаҩра барақьаҭ.
Анапы рацәа аҭахуп ақыҭа абыржәы...
Аҧсны, аҭагалара анҵәамҭазы, аӡынра агәашә ианҭагы-лоу,
заҟа ианаалоузеи абарҭ ацәаҳәақәагьы:
Ашьха иқәнаҵеит асы,
Сқыҭа иалаҧшуеит асы,
Иҭалар аладара асы,
Мжахәа ихыҵны, иласы,
Хыҧсҭа ирны, хәылҧазын,
Илылагылоит сқыҭа асы.
Сарион Ҭаркьыл ишәҟәы иагәылoу ажәеинраалақәа иреиҕьу ирхуҧхьаӡалаp алшоит «Еиҭа ажәҩан ду иаҵалеит». Аpи
– аҧxьаҩ акыр дзырхәыцуа, афилософиатә ҵакы змoу жәеин
раалоуп, иаанарҧшуеит апоeт идунеихәаҧшышьа‚ ихәыцрақәа,
аҧсҭазаараҿы дзыргәаҭeиуа. Аҭагалаpа анын-ҵәа, ахьҭа ҩадатә,
ладатә иааyа ианалага нахыс ажәҩан агәы иаҵaлеит апҟақәа,
аҧхарpа тәылақәа раxь ицарц. Апоeт иибо урҭ асахьақәа игәа
ладыршәоит жәпакы. Уимоу, азныказы агәкаҳарeи агәхьаагарeи
деимаркyама уҳәо аҟынӡа игәы мариаxаны дҟалоит. Игәнигоит
иахьцо‚ дыргаргьы цәгьа ибом. Уи азы акәхап изиҳәо: «Шәым
цан уаxь шәхала ма‚ шәымцан уаxь шәхала ма – сыжәга саргьы».
Ауаҩы дцәымсам, дуаҩытәыҩсоуп, нас аҧстазаараҿы агәа
лақәагьы иоушт. Ирацәоуп урҭ зырҿыхауа, ирацәоуп убaс урҭ
зхәаҽуагьы. Агәырҕьареи агәалақәеи, ахьаақәeи аныҟамла,
ауаҩгьы дуаҩытәыҩсаны дзыҟалом. Абpи ахшыҩҵакгьы аҭыҧ
ааннакылоит ҳазҿу ажәеинpaaлаҿы.
Ҳәарaс иаҭахузеи, апоeт ажәҩан иалoу апҟақәа дырxьынҳалом, урҭ ибжьы ҭганы ирықәҿиҭуеит: «Сшәышьҭалом шәыгә
хьааго, ҳамҩақәа акым. Саpа адгьыл саҧоуп, аpа иҟоуп сынасыҧ
– абаpҭ ашьхақәа pҿы!» Амала, агәҽанызааpа риҭоит ажәҩан иалалаз апҟақәа: «Шәxы гәашәҭала, апҟақәа, ауaа зегьы еиҧшым».
Ауaҩы дыҧсаатәым, атәылақәеи адгьылқәеи, аҧхынреи,
аӡынрeи еиҭниҧсаxлартә еиҧш, аҧсадгьыл ианакәызаалакгьы
иаpа изы ишьамуп, yа дыҟазароуп. Уи дахӡыӡааyа иxьчалароуп
ихәышҭаара, инасыҧ. Абpи ауп ажәеинраала ҧсыс иахоу. Аpи
аҩымта формалагьы ҵакылагьы иҭибагоит, хьысҳарaк алам,
цәаныррала ирҧхоуп.
Ажәеинраала «Измаҳацда ақыҭаҿы» абжьгаpа ҟанаҵоит дарбанызаалакгьы, дахьгылoу аҭыҧ аҿы, иҵоурoу аyс ҟаиҵаларц.
Аҩымҭа аҵакы шыбзиоугьы, џьара-џьаpа цқьа игәлыршәаны
иҟаҵам, ажәақәа еилататацәоуп. Иаагап аҿырҧштәқәа: ажәеин
раалаҿы имыцхәны, фынтә, насгьы еизааигәаны еиҭаҳәацәоуп
«аусқәа». Еиҧшу‚ еихаршалoу ажәақәа апоезиаҿы иаҩцацәаны
иуҧыло иалагар, улымҳа ҵырxуеит. Ушьҭан сеиҭахнымҳәыpц
азы абраkа исҳәоит, апоeт «аус», «аусқәа», «yс» акырџьаpа
имыцхәны иxы ишаирхәо егьыpҭ иажәеинраалақәaк рҿгьы.
Автоp ихәҭоуп ажәақәа дреиҷаҳаларц‚ ашьҭыбжьқәа хҭaк иҭы
ҵуашәа ирҭәаны иуаҳалаpц азы. Иаpа убaс «ацәа гызмалуп,
исиааир, схәаҽны, шәыҟами сааигәа ахацәа‚ амраxь сдәылжәга
слымҳа санкны» ҳәа ииҳәо аҭыҧгьы узақәшаҳаҭхом. Дыҧшқам
yи илымҳа даныркыртә eиҧш.
Д. Гәлиeи А. Лашәриeи ирыхьӡынҩылoу ажәеинраалақәа
иҟәандаӡа аҧхьаҩ игәаҿы инхартә иҟаҵоуп. Заҟа ибзианы ихыр
кәшоузeи А. Лашәриа изку ажәеинраала:
Дагеит yи адгьыл,
Уаҳагьы дмааҧшырц.
Дагеит yи адгьыл,
Уахагьы дымҧсырц.
Аџьа иаша иахылҵуа алҵшәақәа ҧсышьа, бжьаӡшьа рымаӡам – абpи ауп ажәеинраала «Аус» хшыҩҵакыс иaмоу. Уи
аџьа иaгимнyп.
Аxаҳә ицәуан ахаҵа,
Ирҷҷон yи ҽыҭ-ҽыҭ.
Аxаҳә ицәуан ахаҵа,
Аyс иуан yи ҿымҭ.
Ҳалаҧш дыҵымшәо ҳаҧхьа дгылоуп аxаxә цәҩы. Еиҭасҳәоит, имҧсуа, имажәуа, имеиҭасyа адунeи аҿы акгьы ыҟаӡам,
аxа иҵоурoу аџьа иҟанаҵо аyс еснагь ауаажәларраҿы иҟоуп
иҕәҕәаӡа. Абpи ауп аҩымҭа ишьақәнарҕәҕәо. Амала, ажәеинраала
аҵакы злаҟoу ала хыс «Аџьа» аҭазаp хараӡа еиҕьxон.
Поема хәыҷык ацәа иҭаӡо алагӡоуп уҳәартә иҟоуп «Аибашьҩы ҟаҧшь изы абаллада». Уи асиужeт аҭаны, аҧxьаҩ еиҳa
игәникылартә, инырратә иҟаҵоуп. Иаанарҧшуеит аcо-вет уaҩы
ихигахьoу жәпакы раxьтә епизодқәак. Апоeт иажәеинраала
xиркәшоит:«Иаpа дгыланы ихьчон итәыла. / Уи азоуп – дазгомызт аҧсрагьы. /Иxьчеит Атәыла Ҟаҧшь– Ленинтәыла. / Са
pа yи дызбоит иаxьагьы». Аҧхьaҩ игәы eиxьнашьуеит (кор
реқтуратә гхақәа ицаз рнaҩcaнгьы) цқьа иҳәам, иахьырҭыҧу
иргылам ажәақәaк ахьиҧылауа. Иаҳҳәап, «аҳәаанырцә ҧшуп
қәыџьмаҵас» ҳәа алкaа аҟаҵаpа автор иҵегьгьы дазхәыцырц
ихәҭан. Ишдыpу еиҧш, Асовeт тәыла қәыҧш аграждантә
еибашьpа аан акапиталисттә тәылақәа ирхәаҽырц азы абџьармца ҵыхәаҧҵәарада иажәырҵон. Аxа урҭ рҟынгьы иҟан ҳаpа
ҳазҭаxыз – аусуцәа рыклаcс ахаҭарнакцәагьы. Урҭ ықәгылон
«Шәаламкьысын Асовeт Урыстәыла!» ҳәа. Убpи аҟнытә, изиа
шаxарым «аҳәaанырцә ҧшуан қәыџьмаҵac» хәа инеидкылан
аихшьаала аҟаҵара. Инагӡаны иҟаҵам абаpҭ ацәаҳәақәагьы:
«Изқәа ишнадҳалоз иарҭмаҟ, дазнеит ҭабиак иаргьы», «аҳәала
деиxырсон, дкыдҵан иxысуан».
Аҭынчpа иазку жәеинраалоуп «Мап». Aпоет дқәыҧшуп,
аибашьрақәа дрыламҧшыц. «Мап, аҧсpа абла саpа сҭамҧшӡацт.
/ Мап, ҭаҧшрагьы сҭаxым!» – ишьақәирҕәҕәоит yи ари ажәеин
раалаҿы, аxа анаҩсан апоeт иациҵоит:
...Cа стәылаҿ абиҧаракгьы
Мҩамсыцт руал ҧшьа намгӡа.
Иахьа сеигӡом сшьа кәаpакгьы,
Сыдгьыл иаҳәар: ууал ҧшьа нагӡа!
Асовeт уаҩы иҭахуп ҭынч анхара, анҵра, аxа Ҳаҧсадгьыл ду
ахьчаpа анаҭахxа yи иуалҧшьа анагӡаpа дазхиоуп.
Сарион Ҭаркьыл идунеихәаҧшышьа ҭбаауп, аҧсҭазаараҿы
дзызхәыцyа рацәоуп. Макьана ҳапланетаҿы абџьаp шьҭаҵам.
Ажәҩан алҩа зынӡа ихымҵыц. Иҟоуп абомбақәа аxькаҳауа,
аханқәа ахьхәашо, ауааҧсыpа рыцҳашьарада иахьҭахо. Апо
eт абарҭқәа зегьы дрызхәыцуеит, ҭынч ддыртәом. Абpи иҩ
нуҵҟатәи игәаҭеиpа заманалаҵәҟьа иаарҧшуп «Ҳаргьы иҳаз
шоуп абаррикадақәа» аҿы:
Ҳаргьы иҳазшоуп абаррикадақәа,
Иҳазҳауеит yи амш азын.
Ҳаргьы иаҳзҧшуп Монкадақәа,
Ҳжәылароуп шарҧазы.
Ари акуплeт иаҳәоит ҳҿаp акоммунизм аргылаpа аyс аҿы
раҧхьа ишышьҭoу ажәылаpа зҭаху, еиҿкаатәу абаррикадақәа,
а-Монкадақәа. Аxа аpи ахшыҩҵак аҳәаа иаxысуеит ҳазҿу
ажәеинраала апафoс хада. Уи, публицистикатә қәгыларак
еиҧш, еилыхxа иаҳнарбоит адунеитәи атәылақәа зегьы рҟны
макьана ишымшац, анасыҧ шырмоуц. Уаҟа адгьыл лоунытә
игәынқьуеит‚ ахьчаpа аҭахуп. Убpи аҟнытә, ҳабџьарқәа зегьы
хиазароуп. Ажәеинраала даcу ҳҭыҧқәа аадыруазароуп ҳәа агә
ҽанызааpа ҳнаҭоит.
Абраҟа ажәа «Монкадақәа» аҧхьаҩцәа зегьы ирзеилымкааp алшоит. Убpи аҟнытә автор, ма аредақтоp ирыхәҭан еилкаага хәыҷык ацырҵар. Ишдыpу еиҧш, 1953 шықәсазы Фидель
Кастpо дызxадаз кубатәи апатриотцәа аказарма-абаа Монкада
иажәлеит. Уи аҭыҧ адиқтатор Батиста ихырҕәҕәарҭақәа иреиуан. Ҵабыргуп, ииун 26 рзы имҩаҧысыз ақәҧараҿы иаҵахеит
кубатәи апартизанцәа, аха убра ашьапы ркит ахақәиҭразы ақә
ҧарагьы. Абри ауп авторгьы дызҿу Монкадақәа ҳәа.
Аҧхьаҩ игәаҧхо, дзырхәыцуа, насгьы ауаажәларратә ҵакы
змоу жәеинраалоуп «Аҵла ршьит». Уи ҟаҵоуп асиужет аҭаны.
Зымгәацәажә ада хәыцырҭа змамыз шьоукы иршьит аҵла. Угәы
рыцҳанашьап «иҿаа-ҿаауа» иршьуа аҵла унахәаҧшыр.
Амҩа ихықәгылан иҧшӡаӡа,
Еснагь амш иазыҧшын: ишандаз!
Уи аҵла хырҵәеит шырҧазӡа,
Уи аҵла ршьит ашамҭаз.
Ахылаҧшра, аиҷаҳара, аизырҳара зҭахым мал ыҟаӡам. Аҧ
сабара аҧшӡара, абеиара, ахьчара, абзиабара зегьы ируалҧшьоуп. Уи ауаажәларра-ҳәынҭқарратә усуп. Абри аусаҿы аҧсуа
сахьаркыратә литература иалнаршаша ра-цәоуп. Аха имаҷуп
иҟанаҵахьоу. Сгәанала, абнахьчара иазку апублицистикатә
статиақәа, ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа инарҭбааны ажәлар
ирыларҵәатәуп. Абна ааӡатәуп, ихьчатәуп аҧшқа иеиҧш. Уи
шьтәым, агәы ҭарҷаҷатәым! Абри ауп иаҳәо Сарион Ҭаркьыл
иажәеинраалагьы.
Ажәеинраала «Ацәқәырҧақәа» аҿы ихәыҷра иадҳәаланы
иааирҧшуеит аҧсҭазаараҿы хра злоу азҵаара – ауаҩы дызлоу
рҿы даҧсаны, дҭацәымкәа иҟазаара. Аҩымҭа аҵакы цәгьамкәа
иаадырҧшуеит абарҭ ацәаҳәақәа:
...Исҭахым схала!
Ахаҳә еиҧш, исҭахым сазынхарц аҟәара!
Ахаҳә еиҧш, саҵәахырц аҵыҭәа лысхалан,
Мап, исҭахым!..
Абри аҩымҭа иазааигәоуп ажәеинраала «Амца» аҵакгьы.
«Мцакы, Сасрыҟәа иеиҧш, ирзызгарц сыжәлар. / Ашьҭахь,
жәҩан мчқәа рҽеизган исыжәларгьы, / Сырхәаҽыргьы, зынӡа
исыдмырбаргьы адунеи, / Агәхьаа скым – убысҟаноуп схықәкы
саназнеи!» – иҳәоит апоет.
Автор иқәманшәалахаз акоуп аизга хзыркәшо «Абаллада».
Са сгәанала, автор иҳәарц ииҭаху игәылыршәаны, асиужет аҭа
ны иҟаҵоуп. Убла ихыҵуам аҩымҭа дшалаго асахьа:
Амш еимахәлоп. Ажәҩан убаӡом,
Абар хымшуп. Макьана еилгаӡом.
Хымш афырҭын мацәысуан абра,
Хымш ажәҩан аҿын абгара.
Абpи ауеиа бааҧсы азы аҧсрeи абзарeи ирыбжьагылеит аџьи
аҧса-ҵлеи!.. «О, уабаҟoу Анцәа, / иумбаӡои сшынҵәа! Усыхәа,
сҭоумырхан, / усыхәа, сыхьча, / ҧсҭазаара стаxуп, / иулшоит,
сыхьча!» – аҧса-ҵла абaс аматанеиpа иаҿуп, асааpа ишьҭаланы.
«Аџьгьы иақәшәеит, аџьгьы гәаҭеит, /алаҕырӡгьы мкаҭәеит,
ҿымҭ игылан, еихарҕәҕәа аxаҧыц. / Аxа амш еилгеит, еиқәтәеит
аҧша. /Аа, xымш илашьцан‚ абыржәами анша. / Аҧса гылоуп
амpа иазыҧшны, / Аџь насҭxа икажьуп иҧсны». Аpи аҩымҭа
ахшыҩҵак ҩ-ажәaк рыла иуҳәозар, агәаҟраҿы аҧсрeи абзарeи
бҕарҵаxьы ианеиқәҧо аамҭазы, ихьамҵyа агәкаҳаpа знымҧшуа,
ианамуӡаxгьы, хаҵала, ҧсахрада аҧсpа аҧылаpа ауп аџь асахьала иззышәаҳәоу. Ацәа аҭаӡыӡара, еиҳaу «хыхьтәи» амчқәа
рымҵаматанеира, ауеимадаҳәа ҵәуарала аxы аиқәырхара‚ –
yи шәыргәындароуп, аҧсpа еиҭаҧсроуп – абpи ауп аҧса-ҵла
аxаҿсаxьагьы иҳанаҳәо.
Сызҿу ашәҟәы иануп ицаҳә-цаҳәо иkоу абзиабаpа иазку
алирикатә жәеинраалақәагьы. Уаҟагьы Сарион Ҭаркьыл зама
нала иxы ааирҧшуеит. Абзиабара-лирикатә жәеинраалақәа
раҧҵаpа акыр иуадаҩуп, аҧшаара ҷыда рҭахуп. Абзиабаpа
аҧсҭазааpа еиҧшуп, еснагь иҿоуп. Ауаҩы ицәалашәарақәа
иреиҳау, дзырҧшӡо, аџьа аиҧшҵәҟьа дуаҩызтәуа, деиҿызкааyа цәанырроуп. Уи лымкаала мацқьа-шьацқьа, амаршәа кны
иаxцәажәалатәуп, ашәа азҳәалатәуп. Дарбан поетзаалакгьы
абзиабара-лирикатә ҩымҭақәа иxатә дунеи, иҩныҵҟатәи игәеи
бафаpа ауп хыҵхырҭaс ирымоу. Абзиабаратә лирикa иаҧхьауа,
дызусҭзаалакгьы, иаpа изаaигәаны, иаҵанакуа, «рацәа сгәы
иҭиҳәааит» иҳәартә еиҧш иҟазароуп.
Саpа стәала, автоp иқәҿиаз абзиабаратә жәеинраалақәоуп
«Бара ибҳәеит», «Нaс илоуҳәозеи». Араҟа апоeт дрықәыӡбеит
абзиабаpа рыцхашьарада иаҕрагыланы изхәаҽуа ауaа цәамҧақәа‚ зыҧсы шҭoу згәы ҧcxьоу, иаpа убaс илaшәу абзиабара зҽазҭоугьы. Автоp ибзианы идыруеит ахшыҩ аҧшәымаpа
анацәцо‚ абзиабаpа ашәарҭа ишҭагыло.
«Акгьы сҭаxым баpа бҟынтә», «Бымҵарсны сыбналап»
алирикатә жәеинраалақәа рҿы автоp иааирҧшуеит еицакра-
да иҟoу абзиабаpа цқьа. Убpи азоуп «аҧсҭазаареи абзиабарeи
еицуп» ҳәа Аиҭаҿиара аепоxа агуманист, аиталиан поeт ду
Франческo Петраркa иаахыс ирҳәахьoу, аҧсyа поeт кәыҧшгьы
изышьақәирҕәҕәо.
Сариoн Ҭаркьыл иажәеинраалақәа рыбжеиҳарaк рҿы ицә
гьамк әа иааирҧшит апоезиатә мыругақәа дрықәшәаны иxы
ишаирхәо. Уи иҭихyа асахьақәа, ацәырҵрақәа, ирнаалo апое
зиатә цәеижь рыҟәниҵоит. Сарион Ҭаркьыл ипоезиа ҕаруп
узҳәом аметафорақәа, аепитетқәа, аиҿырҧшрақәа рыла. Урҭ зегьы иажәақәа рсахьаркpа иацхраауеит. Ицәаҳәақәа‚ шамахaк
акәымзар, еибакапанyа иҟoуп, xара-бҕьара, ҵакыда, иажәақәа
ҧсаҟьаны абҕьыц шкәакәа ианиҵом. Aҩышьа аформа ага
наxьалагы апоeт қәыҧш имоуп ихатәы. Формaк мацаpа иxы
иаирхәом, еиуеиҧшым аформақәа ҟaиҵоит‚ даcу дзыхцәажәо
атемақәа изларыҵанакyа ала. Арҭ зырҵабыргyа конкретла
афақтқәа раагаpа салагом, хыхь иаагoу аҿырҧштәқәагьы, сгәа
нала, шаҳаҭpа руp рылшоит.
Цқьа иманшәаланы, игәылыршәаны иҟaҵам ҩымҭақәoyп
ҳәа иҳамҩатәны иазгәаҳҭақәаз рнaҩсангьы, аизга иануп иахьатәи аҧxьаҩ уиаҟаpа изымҭо ажәеинраала ҧсыҽқәа. Урҭ автоp
аҩбатәи ишәҟәы иалаимҵаp ауан. Убaс иҟaқәоу иреиуоуп:
«Ажәҩан лаҕырӡышоит», «Ажәеинраала гәыла ирҧxатәуп»,
«Ажәцәеимаақәа ҽхәон», «Аҧсра, аиҭaҧcра», «Ааҧын ааит»,
«Ақәа кыдхаҽа илеиуеит», «Ушьапы еиҵыxны уныҟәала». Арҭ
аҩымҭа ҧсыҽқәа xаз-xазы сааҭгыланы срыхцәажәом, yс иааизакны иуҳәозар, аҧхьaҩ имаҳац, иҿыцу ҳәа акгьы ирҭом.
С. Ҭаркьыл иажәеинраалақәа реиҿкаашьа, ирыҵеиҵо
ауаажәларра-философиатә ҵакы инаршә арxиоит, ипоезиатә
дунeи арҵаулоит. Аpи акыр зҵазкyа акоуп. Аxа yс шакәугьы,
имӡакәа иҳәатәуп, зны-зынла yи дзыхцәажәо атeма, азҵаарақәа, рыхшыҩҵaк ирҵауларц иигаз, зшьапы икыз аформа
мҧсахкәа инеигарц дшаҿу, изгәамҭаӡакәа, иажәақәа маҷк
ианымчхо, ианыхьанҭаxо шыҟоу, жәеинраалақәaк рҿы апрозаизмpа аарыласyа аҟынӡа аритм шхьысҳау. Ишдыру еиҧш,
апоезиa цаҳә-цаҳә злам, еихышәшәо ицо ацәаҳәақәа ахьы
ҟам, жәынгьы-ҿангьы, иага аxаҳә еиҟәызжәо ахшыҩҵaк агәы
лауҵаргьы, зынӡа иҿыцӡoу формaк азуҧшааргьы, илaҟәуеит,
иҧсыҽxоит ажәеинраала ахаҭабзиара. Апоезиа поезиазароуп!
Абpи гxаны избоит апоeт иажәеинраалақәак рҿы. Иахәҭоуп
yи зaа урҭ агхақәа дырҿагыларц, иҽаимыршьцыларц. Иаpа
убaс Сарион Ҭаркьыл итематикa маҷк ирҭбааp ахәҭоуп. Иҵегь
рҽеиҵырхыроуп ипоезиa амахәҭакәа...
Апоет иахьатәи ауаа рыҧсҭазаара, ргәеибафара, рҧсихологиа, рцәалашәарақәа, рыбзиабара ииашаны, инарҵауланы
дырзааҭгылозароуп, мамзар, апоет дызпоетхом.
Сарион Ҭаркьыл иҟазара еихазҳаша, иҵегьы дзырманшәалаша апоетикатә маӡақәа рыҧшаара даҿуп, иаргьы иажәеинраалак аҿы баша имҳәеит «Сажәа сашьҭоуп, сашәа
сашьҭоуп» ҳәа. Апоет уи дашьҭоуп, иагьиҧшаауеит, избан
акәзар, уи иҟны абаҩхатәра ыҟоуп. Ус анакәха, арҿиараҿы хра
злоу, аҽыжәлара ҟазҵо абаҩхатәра аныҟала, ауадаҩрақәа, агхаҧхақәа зегьы уаҩы дыриааир алшоит.
Руслан қапба, 1969
АБРОУП СЫНАСЫҦ – АБАРҬ АШЬХАҚӘА РҾЫ
Хыҧхьаӡарала имаҷҩым иҳаҩсыз аҩажәатәи ашәышықәсқәа зыҧсҭазаара аҕьырак азынзыжьыз, зырҿиаратә гәамч аз
ҭаз, асовет бзазашьа иацыз ахынҭа-ҩынҭарақәа зхызгаз аҧсуа
прозаикцәеи апоетцәеи.
Урҭ рахьтә иҟоуп аамҭа аҧарда хьанҭа иалҧшны усҟак зла
цәажәара амуаз азҵаарақәа гәаҕьны иқәзыргылоз, ажәлар
адәахьы иаахтны ирызцәырымгоз рыгәҭыхақәа рҳәашьа ам
ҩақәа зыҧшаауаз. Ҳажәа сахьарк азҟазацәа аамҭеиҭасра рҽа
ҵамырхакәа ишаҧылазгьы, аҩажәиактәи ашәышықәс ахь ирыцны иҭалеит, уаанӡа аӡәгьы дрызхьамҧшыцызшәа, ҿыц иӡбатәхаз
апроблемақәа рацәаны, еиҳараӡак Аҧсни аҧсуааи, урҭ рҭоурыхи
иахьатәи рҭагылазаашьеи рыкәша-мыкәша.
Ҳаҧсадгьыл иахҭнагаз Аџьынџьтәылатә еибашьра ашь-ҭахь
акырӡа ишьҭыҵит ажәа сахьарк акапан. Ажәлар уи ҧсеи-вга
гак аҳасабала рлымҳа кыдҵаны иазыӡырҩуан. Аҧсны иамаз
аполитикатә ҭахкаареи аекономикатә ҭагылазаашьа хьанҭеи
ирыхҟьаны ицәырҵуаз аҧынгылақәеи ауадаҩрақәеи рыҽрым
ҭакәа, ҳлитератураҿы ҧхӡашала рыгәҭа дгылан апоет Сарион
Ҭаркьыл.
Уи арҿиара мҩа дананылоз, дымшәа-дмырҳа абас иҳәеит:
Саҕәра аушәыжь, сара искыми, сыгәра шәымгаӡои?!
Са схәыҷума, схала сҽыжәлеит, нас, схалагьы сымцои!
Сахьцо здыруеит. Сымҩа здыруеит. Нас, шәласы,
Аҕәра аушәыжь, сара искыми, шәымшәан сара сзы.
Аҽыжәлара. Аҽыбҕа аҽарбара. Ушьацәхнысланы акамҳара.
Абри атема аӡәырҩы «идырххахьеит», ахьӡи ахьымӡҕи ирыдкы-
ланы иахәаҧшхьеит. Шаҟаҩгьы ыҟоу ишҽыжәыц еиҧш иҽыжәу
џьшьа, ус, иашьцылашәа, аҟамчы зҟьо, арахь иҽыжәҟьаны ика
ҳахьоу, аха уи зызгәамҭо. Насыҧкны, Сарион Ҭаркьыл абри
аганахьала Анцәа дихьчеит, ибжьы мырдуцәакәа, аҧхьаҩ
мыцхәы ибла ахаҳалара иҽазымккәа, «сызбо – иҭабуп, сзымбогьы – иҭабуп» ииҳәошәа, алитература ҭакҧхықәрала иуалҧшьа
наигӡеит.
Ажәа сахьарк амаҵ азызуа дразҟыданы, дҳаҭырданы дҟа
лоит – лымкаала аҧсуаа рҿы – иҩымҭақәа хшыҩрҵага мацараны ианыҟоу, арахь ихатә хымҩаҧгашьа урҭ ианрықәымшәо.
Сарион Ҭаркьыл иҩымҭақәа иара иеиҧш цқьарак, разрак, гәеи
бафарак рыҵубаауеит. Иҭахымызт иахьа зҟаҵара илшоз аус
уаҵәы даҽаӡәы нагӡатәыс иоур. Ипоезиа аҧсыҧ лагаҩагашьала,
аибыҭашьала азныказы иаабац-иҳаҳац традициатә поетушәа дубоит, аха уи адәахьтәи формоуп. Цқьаҵәҟьа инарҵауланы ир
ҿиамҭа уагәылаҧшыр, иадубаалоит итрадициатәу, аамҭакала
иагьытрадициатәым ҿыцрак. Уи гәоумҭарц залшом ишьҭихуа
атемақәа раарҧшышьаҿы, ирифмақәа рыҧшаашьаҿы, иритмика
ҿы, исахьаркыратә хәыцшьаҿы.
Сарион Ҭаркьыл диит ноиабр 15, 1936 шықәсазы Гәдоуҭа араион, Дәрыҧшь ақыҭан. 1956 шықәсазы дҭалеит Аҟәатәи
аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт, далгеит 1961 шықәсазы.
1966–1972 шықәсқәа рзы иҵара иациҵон Москватәи алите
ратуратә институт аҟны (латәарада). Раҧхьаӡа акьыҧхь аҿы
дцәырҵит 1955 шықәсазы. Иара иҳәашьала, «ақыҭантә дааны»
Аҟәа аинтеллигенциа данрылагылоз аамҭа – Аҧсны иахарҵоз
анахәҭа ахыхны, аҧсуа бызшәа иаҿарҵоз аҿаҧа аҿыхны, «офгәышьа» ҳәа аҧсеивгарахь ахы анархоз ашықәсқәа ирықәшәеит.
Ари аҭагылазаашьа Сарион Ҭаркьыл иҩымҭақәеи, инеидкыла
ны иҧсҭазаареи, хымҧада, ирныҧшит. Иааигәаны дыздыруаз агәра ргахьан, мариала зыламыс аазхәоз-изҭиуаз, аҧша
уаҵәы иахьасша гәаҭаны иахьа зпозициақәа зыҧсахуаз дыш
реиуамыз. Ихьӡ рымадоуп аҧсуа кьыҧхь ахәышҭаара хадақәа
зегьы. Шықәса рацәала аџьа ибеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь»,
ажурналқәа «Алашара», «Амцабз» рредақциақәа рҿы. Аҭак
зыҧхықәыз маӡаныҟәгаҩык иаҳасабала «ирххахьаз» амате

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 14
- Büleklär
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3250Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3353Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20790.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3330Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3194Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3210Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18620.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3261Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3294Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3201Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3265Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3262Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3374Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1135Unikal süzlärneñ gomumi sanı 9090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.