LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 11
Süzlärneñ gomumi sanı 3262
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2022
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Ма сара, гаӡажә, сжьашьа бҵама,
ҿыҭуа, сбышьҭаларц ара?..
Избоит, сымшқәагь
ирхатәоит шәшьык.
Асар рымҩагь са сазгаӡом.
Сгәыхьгьы аҽарҭынчып шьыжьык,
сыгәгьы уи нахыс ибылӡом.
Нас – зынӡа сымшқәагьы еилгоит.
Нас – зынӡа иҭынчхоит сдунеи.
Хыхь џьара саркьалк абжьы гоит:
«Умшәакәа унеи!»
Ианар 5, 1992
***
Зегь ззеиҧшу аӡә дҟамлакәа ҟалаӡом,
ауаа зегь еиҧшны ахаангьы ииӡом.
Аӡәы кьаҳәк диҭахуп, егьи – цыркьык,
ашәҭқәа дрышьҭоуп аӡәы, егьи – аҳаскьын,
дасу ихәҭоу идыруеит, ус ишоуп.
Џьара амҩа лашьцоуп, џьа илашоуп.
Зегьы-зегь еиҧшны ахаангьы ииӡом,
аршьынк зегь азшәом, ҳаҭак иҭаӡом.
Бымгәаан зынӡагьы, бмаҕьын зынӡагьы,
сыҟоуп сҟазшьала, са схазуп уеизгьы:
ҵәыцакгьы сҭаӡом, кәыбакгьы сҭаӡом,
издыруа зегь сҳәом, исзымдыруа зӡом,
исылшонаҵ – стәом, сныҟәап хара,
шәызбап зегьы, снашәылаҧшп сызхара.
Бысцәымшәан сара, усҵәҟьагьы сгаӡам,
ус, иаарласҵәҟьан, сыҧсырц сгәы иҭаӡам.
Ба бымҩала бцала, са сымҩагь сагалап.
Нас мышкы зны џьа ҳаиҧыларгь ҟалап.
Чара дук уны, ҳаҩналап мҳарак,
ҳизшәа ҿыц, ҳналагап ҿыц анхара.
Ҳзеиҧымлар – лахьынҵоуп, мап, иҳәҳәатәым,
башьҭамлан тәымкгьы, ишҳамуп атәым.
Бысныҳәап еиҭа, бманшәалазгьы сҳәап,
шҳамк бҿанамгаларц, баҿамшәарц шьацҳәак,
гәыҕрала бҭәызарц, насыҧла блашаларц,
быҵхқәа зегь мра шәахәала ишаларц.
Бгәынхарақәа зегь шҳамхоит са сзы.
Ҳаҵхгьы мҧсышеи, ҳамшгьы ҿыхоит лассы.
Бара сышбызхәыцуаз, ишшаз сымбаӡеит,
нас амра ашәахәацқәа хдунеи иахьӡеит.
Знызаҵәык исҭаз, сашәагьы зызкыз,
Сзызҧшу еснагь, сыҕба аҧсҟы зсыркыз,
зны инҵәаз сара сзы, аха нас (цас?)
амшқәа рӡыблара иналаӡ ицаз,
сынасыҧ зырҟьалаз, мап, бсымшәиӡеит.
Смаҕьит, схала сынхазаргь – сымшәаӡеит.
Схырхәаны ибасҳәоит: иҭабуп зегьы рзы,
сахьеилыбкааз азы, быгәрагаразы.
Ииуль 24, 1990
Иалта
***
Схыхра уамак аҭахӡам:
знык бысҿаччар – иазхоит,
сынасыҧ–ҵысгьы сахьӡап,
сеидарақәагьы ласхоит.
Схыхра уамак аҭахӡам:
ажәа ҧхак бҳәар – иазхоит,
нас иҵааргьы – ихьҭаӡам,
мраҵас ба бажәа сарҧхоит.
Схыхра уамак аҭахӡам:
знык бысҭаар – исызхоит,
еиҳау насыҧ сыхәҭаӡам,
дунеик схала истәхоит.
Схыхра уамак аҭахӡам...
УАХЫК
Уахык иахҭнысҵоит сымшқәа зегьы,
ҧсҭазаарак иаҩсуа уахык.
Уи нахыс уаҳа саҳәаӡом акгьы,
уи еиҳау насыҧгьы сҭахым.
Са сгәыҕрақәа зегь уаҟа еихьыгӡа,
уа иулымшо иҟоузеи, Анцәа!
Нас, атәы иеиҧш, усмеигӡан зынӡа,
уҭахызар – сыхәдагьы хҵәа.
Уахык сымазааит, сымшқәа рцымхәрас,
уахык сынцәазааит саргьы.
Уахык зырҭәыз анасыҧ заҟараз
базхәыц баргьы!
Оқтиабр 2, 1989
БЫХЬӠ ҲӘАНЫ ҾЫСҬУЕИТ...
Ладаҟа бдәықәлар – сбышьҭалан сцоит,
Еиҭах, быхьӡ ҳәаны, ҿысҭуеит: «...леи-на!»
Нас аҵх-гәаҩаҿ уа сгәыҕрақәа зӡоит,
Аха, атсеиҧш, ак сықәҳауеит илеины.
Ладаҟа бымцалан – бааила са сахь,
Еснагь ашәхымсаҿ сыҧшуп – сыббазар.
Наунагӡа ҳәа сыгәҭынчра сыҧсахт,
Аӡыблара сҽасҭеит – сеилагазар?
Лаапкык сыцҳазар? Мап! Иац сымҧсызт,
Еиҭах сҿара сырхынҳәырц, о, сашьҭалт.
Нас исцәыӡыз сынасыҧгьы сашьцылт.
Ах, быхьӡ ауп еиқәзырхазгьы сыҧсы!
...иҭабуп – бахьсҧылаз азы!
Сентиабр 28, 1989
ЛЕНА-ӠИАС
Лена сҿаҧхьа иҽырбоит,
избоит Лена ҧхыӡҵас,
иҿыцбарахӡа Лена збоит,
Лена – сара схызҵаз.
Ах, быгәра згеит!
Быгәра згоит,
аха бҟазшьак снаалаӡом.
Лена схыҵәаны сагоит,
цәыкәбарҵас уи
сналаӡуеит.
Лена цоит, ицоит, ицоит,
сахьаго сыздыруам.
Инхаз сымшқәа сыҧхьаӡоит,
избоит: Лена сзыруам!
Аха сашшуам уеизгьы,
срыцҳашьан сыббарцаз.
Ихыҵааит Лена, саргьы
Сналаӡп уи,
цәыкәбарҵас.
Ус иршазаап слахьынҵа:
ихышхыҵәеит, ихышхыҵәеит,
о, еиҭах, абар, исхыҵәеит,
Лена саҵәахит зынӡа!
Лаҕырӡык џьара икаҭәеит,
анасыҧқәагь џьара итәеит.
Лена сашьҭалт –
Сахьӡаӡом.
Бышҟа сдәықәлан –
сызцаӡом.
Сентиабр, 1989
АГӘХЬААГАРА
Бнаскьазгеит иацы, абзиараз ҳәаны,
аха иахьа быгәхьааганы сыҧсуеит:
цәҳәыра мыждак сықәхазшәа,
стәоуп слаҳәны,
бааиуазар ҳәа
иахьак бымҩахь сыҧшуеит.
Быгәхьаагара чмазарахеит са сзы,
уи абзиабара ахьӡума сыздыруам!
Ашьхагьы сызхыҵуам,
амшынгьы сзыруам,
дсықәмақаруеит аҧсцәаҳагьы хазы.
Бара бакәхап, нас, еиқәзырхо сыҧсы,
сахзырҧогьы иаасыдгылаз саџьал.
Нас, сыҳәҳәабжь баҳазар –
бласы! Бласы!
Сымч зқәымхаӡоз
еидара хьанҭак саҵалт.
Исыхьи, мшәан:
схәыҷхама ма сажәыма? –
Мшын цәқәырҧак са исылнаршом акгьы!
Салҵып сҳәан, аха сзалҵуам –
ах, сашьыма?
Сагааит сҳәан, аха
сазымгеит џьаргьы!
Уи с–Голгофа акәзар – исычҳалап,
нас, сеидарагьы ус-ус изгалап.
Икасыжьыр – сыҧсуеит, сыӡуеит зынӡаск.
Схаҭа исшеит уи
са сзын лахьынҵас
Оқтиабр 8, 1989
АЗҴААРА
Зны-зынла быҧшра схашҭыр ҳәа сшәоит,
Маҷ-маҷла ишьақәсыргылоит бхы-бҿы,
иҧҽыз аҧҳал аиҧш, еибысҭоит сгәаҿы,
ус хәҭак насымпыҵшәаны икашәоит.
Нас уи сашьҭоуп, сашьҭоуп уахак,
сашьҭоуп аҵх лашә иалаӡыз сгәыр.
Дыдрыҧшь-ныха снамҵагылан сқәыр,
цәыӡк зынӡа исмоурашәа збоит. Аха
анцәа ихаҵара саҟәыҵхьеит сара,
хыхьӡа дшыҟам здыруеит аӡәгьы.
Аныха ҧсабароуп,
аҧсабара, уеизгьы,
ҳахәҭакуп зегьы; ҳаҧсра, ҳабзара.
Уи зегьы-зегь ҳаџьалқәа ашахьеит,
иароуп измоу ҳанасыҧқәа ҵәахны.
Ҳара мчылаҵәҟьа, аҟамақәа хны,
ҳаҿагыларц ҳаҿуп... Ҳаилагахьеит!
Абарҭқәа зегьы
насхашҭыр ҳәа сшәоит,
маҷ-маҷла ишьақәсыргылоит сгәаҿы.
Усшәа збоит: иахьа сгылоуп ахәаҿы,
аха настәи атышагьы
блала исшәоит.
Бара зынӡа бацәымшәаӡои акгьы?!.
Оқтиабр 6, 1989
Пицунда
***
Сыбжьар бҭахуп, аха сбызжьаӡом,
сыбжьар сҭахуп, аха схы сжьаӡом.
Уажә бара бызхыҧо сара сахыҧахьеит,
амц сҳәаӡом.
Ах, исабҳәо зегь хасҵоит – иҳәала,
сызнысыз амҩалагьы – ҿыц сгала...
Ааҧынқәа ҧшӡам, аха аӡын ҕәҕәаӡам уа,
ус ҳцалап.
Иҧыбшәап сычҳара, бара быхгьы,
сразҟы сшәиуам, саҕьуам зынӡагьы,
сиеҵәахә аиҧш, исхыкны блашала –
нас сыӡрым саргьы.
Ус, мышкы, зны, бгәы зынӡа исыхшәар,
амҩан сызгаша ҳаскьынқәак быҟәшәар,
сынасыҧқәа зегь бзынсыжьуеит бара –
насыҧла беиқәшәарц.
Нас биеҵәахә сакәны хыхь слашалап,
ибцәыӡыз анасыҧқәа са исыҧшаалап,
џьа бгәы нимырхарцаз амҩан аӡәгьы,
хыхьынтә сыҧшлап..
Сыбжьар бҭахуп, аха сбызжьаӡом,
сбыбжьар бҭахуп, аха сыбжьаӡом,
ибҭаху рацәоуп, аха саргьы срахәым,
зегь сцәа иҭаӡом.
АҦШААРА
– Бабаҟоу бара? – исыргеит сыбжьы.
– Адгьыл аҟны! – исаҳаит аҭак.
Бышьҭа сынхылан сдәықәлеит шьыжьык,
аха бахьыҟаз сзымҧшааит еиҭах.
– Бабаҟоу бара? – исыргеит сыбжьы.
– Амшын аҿы! – исаҳаит аҭак.
Амшын ду схыланы, сдәықәлеит шьыжьык,
аха исзымҧшааит уа џьаргьы шьҭак.
– Бабаҟоу бара? – исыргеит сыбжьы.
– Ажәҩан аҿы! – исаҳаит аҭак.
Ҧсаатәҵас ажәҩан салан скахәхәа, шәшьык
нысмыжьит, аха бсымбеит еиҭах.
– Бабаҟоу бара? – исыргеит сыбжьы.
– Амцаҿы! – са исаҳаит аҭак.
Бышҟа сеихеит, аха иблит сцәа-сжьы,
бҿынӡа снаӡар – сыццышәхап схаҭа!
– Бабаҟоу бара? – исыргахт сыбжьы.
– Зегьынџьара! – исаҳаит ацкы.
О, бызбарц бҭахымзар, бааины сыбшьыр!
Ма ҧшааразар, мшәан, сымшқәа рҵакы?...
Ииуль 18, 1990
Иалта
АИЦӘЫӠРА
Ҿысҭын – ибмаҳаӡеит, сбыҧхьан –
са сахь бмааӡеит.
Схала заҵәык сакарак сықәхан –
сыҧсыртә сбааӡеит.
Бышьҭақәа сырхылан сдәықәлан –
тышак сҭанагалт.
Ах, мшынлагьы бышьҭақәа сырхылан –
Ҳаиҭ дысҿанагалт.
Ба бдунеи ахь уназгоз амҩақәа
зегь маӡан – избан?
Ах, бдунеи маӡа ахсаалақәа
ирынӡам – избан?
Быжәлагьы схашҭны, быхьӡгьы схашҭны,
быҟоу ҳәа сҵаауеит.
Адунеи зегь сакәшаны, сҳашкны,
Сыҧхыӡ ахь саауеит.
Ҿысҭуеит еиҭах, сыҳәҳәаны ҿысҭуеит,
ҿыц быхьӡ аҧҵаны.
Нас еиҭа схы ҿысхуеит, схы ҿысхуеит,
сыҧхыӡ хаҵаны.
Шьҭа ҳаилзыргода? Иҳамоу ҧеиҧшк?
Ҳзицәыӡи ҳанцәа?
Ус ҳшеишьҭоу, цгәи ҳәынаҧи реиҧш,
ҳаамҭагьы нҵәап.
АИҦЫРҴРА АШЬҬАХЬ
Бцагьы сымҳәаӡеит, баагылгьы сымҳәаӡеит,
балаҧшуеит бара, аӡәгьы бимшьаҳаӡеит –
бымҩақәа аартуп, зых иақәиҭу аҵыс,
ажәҩан дугьы бымоуп, адгьыл ҧшӡагьы бтәыз –
ибымаскәам акгьы, сҳарамӡам сара,
сшьыцуам, сҕьычуам, исымоуп сызхара:
ҟармаҵыск ашәа сзаҳәар, сара исызхап,
хәырбҕьыцк сызгылар, сыхәрақәа сырҕьап.
Бцагьы сымҳәаӡеит, баагылгьы сымҳәаӡеит,
балаҧшуеит бара, аӡәгьы бимшьаҳаӡеит.
Баагыларгьы – бдәылсцом, нцәас бысшьалап,
бцаргьы – сҽысшьуам, сымҩала схала сцалап.
Нас, мышкы зны, сгәы анахшәалак адунеи,
иҟьалаз аҧа иеиҧш, сгәагәо, быҩны снеип.
Ашәхымсаҿ бнагылан, ибгәыҵаҧса бнапқәа,
сыбдыраанӡа сбыхәаҧшлап, нас быхҿақәа:
«Уаагыл сымҳәазаргьы, уца сымҳәаӡазт, –
уалаҧш, сҳәан, аха убналт уара цас!..»
Ишҧабҳәаз?.. Ишҧасаҳаи?.. Анцәа иныс,
дарбан аҩны итәаз, амҩақәа ирныз? –
Са исзеилкаауам, кыр бдыруама бара?
Ицәгьазар, ибхаршҭ! Исзымычҳазт, сааит ббара.
Аха иааиз ба бакәзар – бзиала баабеит,
бабаҟаз сҳәом, схыбаара-ӡаҩа ҭабеит –
ҳалагап аханатә. Ах, ҳалагап ҿыц!..
О, Анцәа! Нас ҳналагахп еиҭа ҳазҿыц!
***
Ҳәарагьы аҭахӡам
ҳәҳәарагьы аҭахӡам,
зегьы-зегь збоит сара.
ишыбҳәо аиҧш сгаӡам
аӡыназ аҵыҵындра
сахьҵәуам сара,
аҧхынгьы саҳәом,
иалагарц асоура...
Издыруеит, издыруеит,
издыруеит зегьы:
ашәыр ҟалаанӡа, мап,
иҿырхуам уеизгьы.
Аха, ибдыруаз, ишҿоу
ибааргьы ҟалоит,
уазхьамҧшыр зынӡа,
иҟамларгьы ҟалоит;
иҟамларгьы ҟалоит,
иҿабааргьы ҟалоит,
иҟалоит, иҟалоит,
иҟалоит, иҟалоит...
Нас, иарбан уахак
сызбыргәашо сара?
Харакгьы зсыдыбҵо?
Изыбымго сыгәра?..
Уамакгьы ҟамлеит,
ахәацаҧшь заҵәык шәеит.
Ҳамҩақәа еиҧылеит,
абар, нас, ҳаиқәшәеит.
Харакгьы сызбырҧшуазеи,
уа акгьы збаӡом.
Ҳаҵхгьы шьацҳәан – ҳаҿашәеит
шьҭа уи ҳзацәцаӡом.
АИНЫШӘАРА
Сбыхәаҧшын – бысзымдырт,
быхьӡ бҳәандаз еиҭа!
Сдәықәлан, аха сзымцеит,
иҟасҵари шьҭа?!.
Сшьаҳазар, ус акәхап,
сцом ҳәа иҧхьаӡа,
имцымзар – илакәхап,
идырым зынӡа:–
ҳабаҟаз, ҳабацо?
Иаҳзыҧшуи уаҵәы?
Ҳанбаӡуа, ҳабаӡуа?
Ҳахазҵода аҵәы?
Дарбан, нас, ҳаӡбаҩ?
Имеи уи зинс?
Ах, усҵәҟьагьы ҳаӡру,
ҳаӡру зегь рзын?..
Сбыхәаҧшын – бысзымдырт:
быҧсцәаҳау, бынцәоу?
Сдәықәлан, аха сзымцеит –
сымчқәа зегь нҵәоу?
Сшьаҳаны сыбкума? –
Избаӡом акгьы.
Сҿаҳәаны сыбгома –
сабабго уеизгьы?..
Сбыхәацшын – бысзымдырт,
аха мч-мыждак снырт:
сдәықәымлеит, сышзымцоз
иаразнак издырт.
Уи лахьынҵоуп, ус ауп –
исыдыскылт зегьы.
Уигь усуп, уигь усуп,
бахьымхәын баргьы.
Август 6–8, 1988
АҦХЫӠ
Ах, сҧыруан, сҧыруан, сҧыруан
ажәҩан ду салан скахәхәа.
Нас –сбылуан, сбылуан, сбылуан,
сыццышәха сықәҧсон Мжахәа.
Насх, афеникс аиҧш, иҭалон
сыҧсы. Ҿыц иҭалон сыҧсы.
Еиҭах сҧыруа ажәҩан ду салан,
«Сыббомашь!» –сыҳәҳәон бара бзы.
Сбыҧхьон, сбыҧхьон,
бара сбыҧхьон,
аха беиҭамҵит са сзы,
салагт абылра... Агәықәха,
ҽа знык иҭалару сыҧсы?
Ма сыццышәха уа сышьҭахома?
Сыдгьыл гәакьаҿ аҭыҧ сызхома?
Ма быхцәы зыршлаз са сакәзар?
Ари ҧхыӡума? Ма лакәзар?..
Оқтиабр 8, 1989
Пицунда
АЖӘАНҴА
Аҿыҧшра
Сгәырҩақәа рышҳаны ицәысҵеит,
иарҧшшап шьҭа урҭгьы аҧша.
Амрагьы шәахәацқәак ацәызӡеит,
бара бзыҳәан ауп, сынцәа-хша!
Ибымҳәан: «Сыҟаӡам – суцәыргеит!» –
иахьанӡа сбышьҭан сынҵәаха,
Ах, стәы ҳәа сабымҳәан бҽырцәгьан,
са ибасҳәазар «Сынцәа-хша»!..
АИҦЫРҴРА
Сабаҟаз?.. Ианба?.. Сеихон, сеихон –
ба бышҟа, ба бышҟа!
Знык снаӡандаз уа! – сгәы сырҕәҕәон. –
Нас сышәҭуан сбыбышха!
Ақәагьы хымкәеит. Аҵхгьы лашәын –
скаҳауан, сгылон.
Ах, бабаҟоу, бабаҟоу уажәы?
Ацәашьы кны бысҧыло?
Салоуп аҵх сыблаҟьо. Аҵх зегьы
знык ала илбааздарц,
амши амши мышкы зны уеизгьы
наӡаӡа еимаздарц.
Иаха сзырҧхаз, иаха сзыхьчаз –
ба бхызоуп, ба бхызоуп.
Ибымҳәан акгьы: сзынҟьаз-сзынҧаз –
зегь ҧхыӡуп, зегь ҧхыӡуп.
Амра гылар – сылаҕырӡқәа шәып,
илашап сыҧхыӡқәа...
Избоит, ах, избоит: сшьала ибшәит
(ибгәаҕьи!) бшьапхыцқәа!
Аха сашьҭам ашьоура, бымшәан!
Адгьыл зегь хәаҧсама,
џьара ҭыҧк сыҧшаап! Исыхьри, мшәан,
усҵәҟьа сааҧсама?!.
Август 6, 1988
БАРА БЗЫ
Алаф ҳәамҭа
Ах, исшәеит, иззеит, искапанит, аха
ибнаалоз ажәа сзымҧшааит уаха:
бадскылан ашәҭ – иаразнак иканӡеит.
бадскылан аҳәыҳә – илышьҭаҧс ицеит,
бадыскылан аеҵәа – ибылны икашәеит,
бадыскылан амаҭ – ахы агәы ахшәеит...
Бсырҽхәар сҭахын, аха ажәақәа ируам,
бысныҳәар сҭахын, аха ажәақәа ииуам.
Иан лымгәа дҭоуп ари зегь зымбаз!
Ҳашҧеишьи Анцәа, бызшаз бара абас!
Сентиабр 28–29, 1989
АНАСЫҦ
Иахантәарак бхыза кәашон,
иахантәарак насыҧк хәашон...
Бышҟа инеирц иқәҧон аҧшагьы,
иахантәарак смыцәеит саргьы.
Издыруан, мацәысран изҿыз,
ибналаны ишцоз уа ҽызк...
Избеит нас, избеит нас: шьыжьы
акыркырҳәа иччон ба быбжьы...
Аҧшагьы саргьы башаӡа ҳшәон:
зегь ҳцас насыҧк уа икәашон.
1977–1998
АЦӘЫӠҚӘА
Ақәагьы леиуеит, амрагьы ҧхоит.
Ҭыҧҳак саргьы даара дысгәаҧхоит.
Баала сҳәан, аха мап ҳәа дыҳәҳәеит:
«Ақәа хымкәакәа сабацои!» – лҳәеит.
Ақәа хкәозар ҳәа сыҧшуп сшыҧшыц.
Ус ибажәхеит аџь, иазҳаит ашыц.
Амш еилгеит, аха амра ҭашәеит.
Еиҭа лыҽлырххоит, аҵхгьы дацәшәеит:
«Аҵхаҿ суцәыӡуеит, – лҳәеит, – суцәыӡ
Уалаз уара аҵх, ақәагьы уцәыз!..»
Амра сшазыҧшыз, амра ҩагылт,
аха асы, аҷыхь насҿагылт...
Нас иӡҭит асгьы, иқәҵит асырӡ.
Саргьы сыӡит, аха ларгьы дсырӡт.
***
Бабаҟоу сҳәан, ах! Сыҟаӡам бҳәеит.
Са сышҟа бааи сҳәан, беиханы бцоит.
Сбышьҭылаҵәҟьар – сбыхьӡоит,
аха сбышьҭалаӡом!
Сзыбналандаз ҳәа
саргьы сыҧшуеит,
агәыҕрақәа рыла схыхәхәа сҭәуп.
Мчымхарак сгәаҕ еиланаршуеит,
сшытҟәацра стәоуп.
Ибхараӡам, мап, бара акгьы.
Ма харак сара ибыдсҵар ҟалома!
Ибыдсҵартә еиҧш схаҭа сыцқьоума?!.
Ах, шә-тышак сырҭаҳахьеит саргьы.
Издыруеит, издыр: иқәҿаҳәоу ҽҵас,
шҭа хәыҷык ҳҭагьежьуеит зегьы,
Мап, аӡәгьы ҳимшаӡеит ҳара цас!
Мап, ҳимшәиӡеит ҳазшаз Анцәагьы!
Ус иахәҭоуп,
ус ишоуп ҳлахьынҵа:
Арантәи иахьа бналашьа ыҟаӡам!
Ибналаз –
уи дыӡит ауп зынӡа.
Ибналаз –
уи дыҟам уаҳа, дыҟаӡам!
Бабаҟоу сҳәом, сыҟам бымҳәан.
Бааи сҳәом, са снеиуеит –
бмыҳәҳәан.
Ааии Мапи рҳәааҿы уаха ҳаицыҧсып,
Нырцә – Аарцә цҳаны ҳрыбжьаларц азы.
Ах, акгьы сҳәаӡом.
Акгьы бымҳәан.
Бабаҟоу сҳәаӡом,
сыҟам бымҳәан баргьы.
Аҟазаареи аҟамзаареи
рҳәаа еилыргаӡам,
ихадоу адунеигьы
макьана иаартӡам.
Узусҭдагьы бымҳәан –
уи издырӡом аӡәгьы.
Оқтиабр 6, 1991
БЫҦСИТ ҲӘА САРҲӘЕИТ...
Мне сказали, что ты умерла...
Н. Клюев
Быҧсит ҳәа сарҳәеит иахьа.
Ирҳәеит: абыҕькаҧсара бналаӡит.
Ашәҭқәагьы усҟан иҩахьан,
Издырит: ахьҭақәа бнаалаӡом.
Ицаз зегь схасыршҭырц саҿын,
аха мап: амра аҭашәамҭаз,
ҳаилаҵәан, ҳгылан ахәаҿы...
Ах, даҽа зныкгьы ҳаиқәшәандаз!
Аха бымҩа Наҟ ибырхеит,
Араҟа сынбыжьит са схала.
Ибымҭан ашәаҧшьқәа сзынхеит,
бырлашҵас сыхәда инахалеит.
Ҳдунеигьы иаҧсахт ахаҿы.
Акгьы сҳәарым – сгәы иауазар.
Есуаха стәоуп ахәаҿы,
бымҩахь сыҧшуеит: баауазар?..
Ус амра ҩагылоит шьыжьы.
Ба быда, адунеи зегь ҿыхоит.
«Бабаҟоу?» – исыргоит сыбжьы.
Жәҩанла уа иниаҟьоит ҽыхәак.
АГӘЫ
Иосиф Уткин иҟнытә
Иҳамшаҭеит џьара акгьы:
ацәгьа хәашеи абзиа лашеи
еиҩаҳшеит иҳамаз зегьы,
еиҟараны
ҳҷан зегьы ҳшеит.
Ига смал,
ибымаз зегьы!
Ига ибызго, сара ҿысҭуам!
Иҟәыбаса иқәылҵаз сыгәгьы,
данцоз,
еидыҟәшәалан илысҭеит.
Зегьы-зегь лгеит,
инылмыжьт акы:
иаҧсаз, иаҧсамыз –
ак лхамшҭит.
Аха сгәы...
дааҳәынгьы дазхьамҧшит.
Илҳәеит: «Исыҧшааит даҽакы!»
ИСХАРАӠАМ АКГЬЫ
1-тәи авариант
Исхараӡам, исхараӡам акгьы.
Икыдҵәаны илеиуан ақәагьы,
идыдуан, ажәҩан аҿын абгара.
Бгәамҵ-хамҵуа акы башьҭан бара:
сыхәда хызҵәаран иҟаз аиха?..
Аха аҵх лашә сагеит сдәылган иаха.
Сзыхьчода иахьа?..
2-тәи авариант
Исхараӡам, исхараӡам акгьы,
икыдҵәаны илеиуан ақәагьы,
идыдуан, ажәҩан аҿын абгара.
Самцхәызма, сдәылцара баҿын бара,
аха сызцомызт, сшьаҳаны стәан –
стәын...
3-тәи авариант
Исхараӡам, исхараӡам акгьы.
Икыдҵәаны илеиуан ақәагьы.
Идыдуан, ажәҩан аҿын абгара.
Бгәамҵ-хамҵуа акы башьҭан бара:
баб иҟама ма акасаҧ еиха?
Ба боума, мшәан, сызшьыз иаха?
Нас ашамҭазы иҭазҵаз сыҧсы –
адунеи сықәзарц еснагь
бара бзы?..
АИҦЫЛАРА
Џь. Китс иҿырҧшны
Бымцан, быбналан бымцан,
ҳаиқәымшәар ҟалоит уаҵәы.
Аҵхаҿ быблақәа бымӡан,
сҟамагьы лысҭом ҽаӡәы.
Ах, иҟәымшәышәуп аҭәа,
бзамҩагьы амцеиҧш ишуп.
Адәаӡа, изымбац цәмаҭәак,
игәыҿкаагаха иҧшуп.
БЕТТИ
Џь. Китс иҟнытә
Ахәы схыҵны, арҩаш сырны,
аџьармыкьахь сцон скаууа:
чаџьқәак сфарц, сааҽырбарц,
ус снарылаҧшырц ауаа.
Бетти гызмал дысҧылт амҩан
(аҧша ахы иҭарҧан лыҵкы).
Исҳәеит: «Сыззаауаз ба бзами!»
Илҳәеит ларгьы уи ацкы.
Дыҧшӡаз шаҟа – ишәымбеитеи!
Дласыватәеит, дымцаӡеит.
Ах, Бетти! Уа дхышәҭит Бетти,
ишыҟалаз ҳәа сымбаӡеит.
«Аӡә даауеит! Аӡә даауеит!» –
«Бымшәан, Бетти! Уи аҽоуп».
Исымбац ак сыҧшаауеит,
саргьы сқәыҧшуп, саргьы сҿоуп.
«Ах, уаагыл зны! Уаагыл зны!» –
«Бымшәан, Бетти! Митә ҟамлеит!»
Иҽырбеит уа ашәҭқәа гәылҵны,
цәқәырҧа дукгьы хыҵны илеит.
Ҳаи, узцома зынӡа ухьамҧшӡо,
дуҧылар амҩан ус џьара
Бетти леиҧш иҟоу аҧшӡа,
сымҩа схазыршҭыз сара?!.
***
Бааизар – бымцан, бааизар –
бымцан!
Бара бакәын сыҩны зырҧхоз –
бымцан!
Ибымбои, иқәыџьмаха, аӡын
аауеит.
Зызхара ҟамлац амшәгьы
хәаауеит.
Уигьы аӡын иаршәеит, нас.
сара
исылшома схала аӡын
ацәцара?!.
Бмааицзаргьы – бааи. бааизар –
бымцан!
Сыхьчатәуп, ба бами сзыблыз –
бымцан!
А Ц Ы Ҧ Ҵ ӘА Х А Қ ӘА
Инаӡоу жәеинраалақәак нас ирылсхып ҳәа иҟасҵоз анҵамҭақәа рахьынтәи акык-ҩбак, излауаз ала
ихыркәшашәа иҟасҵан, абраҟа аҧхьаҩцәа ирыдызгалар сҭахуп. «Ацыҧҵәахақәа» ҳәа рыхьыӡҵаны, изыҧсоу дара ирбааит.
АШӘА АМЧ
Сара сшәаҳәозар – аҟармаҵыс ӡырҩуеит,
аҟармаҵыс шәаҳәозар – сара сӡырҩуеит,
ашәҭқәа зегь шәҭуеит, адунеи дугьы лашоит,
амч еиқәаҵәақәагьы, ишызбо. ихәашоит...
Избеит: аӡәгьы данымшәаҳәо – илашьцоит,
амч еиқәаҵәақәагьы адунеи иахьӡоит.
АҬАМЗААРА АШЬҬАҴАРА
Сынцәа сишьҭоуп, аха
Дызбаӡом –
дахьыҟам акәзар
сахьыҧшаауа?
Ах, сыҟам уеизгьы.
сгәы ҧшаауа –
сыҧшаауашәа ҟасҵоит ауп саргьы,
саҭоумҵан, Анцәа!..
***
Издыруеит, издыруеит, издыруеит,
зегь ҳамҩақәа Уахь ауп иахьцо.
Баша ҳгәамҵуеит, баша ҳуазыруеит.
дыҟам аамҭақәа зегь ирыхьӡо...
***
Џьара ашәабжь гоит, џьара – ауаз.
Ашәала исҧылт Арахь санаауаз.
Арантә санцогьы исыцыз ашәак –
ауаз сҭахым,
амыткәмагьы иазхаз.
***
Саҿашәымҵан анышә –
сашәҭар аҧша,
сышьхақәа рышҟа сагоит.
* * *.
О, мап-мап! Исҭахым уи зынӡагьы,
са исымоу адгьыл сызхоит. Џьаргьы
сыццакӡом. Сашәагь ҭынч инасыгӡоит.
Нас Аҩада схалоит, Ажәҩан сазцоит.
Уа иҟоуп Сымра, уа иҟоуп Сшәахәа.
Аратәи сусқәа ирхьышәшь аҵәаҕәа.
***
Ацәа цәашьы аиҧш, амш зегьы блит.
Ахәагь аҭнымхеит, алҩагьы ҧрит.
Тымитышак илҭаҳазшәа, аҵх
ҧсымҭә инлахәлабга ицеит...
Гәыҕрак сыцын – сара сымшәаӡеит
***
Аӡкнаҳа, арахәыц аиҧш, икнаҳауп,
инҵәаӡом, иҧҵәаӡом, илакьҭоит,
аҽашьырц ацаҟьа ашьапаҿы икаҭәоит,
иадыруеит, ҩада изхалаӡом уаҳа.
***
Избоит, ухәда дықәтәоуп
аҩсҭаа гызмал –
иааҟауҵо зегьы узырҟаҵо
иара иоуп...
Сара сузгәааӡом.
***
Амҩахь сыҧшуеит,
амҩахь сыҧшуеит:
исзааиуа дызбар сҭахуп...
Дыҧсцәаҳамзааит, Анцәа иныс?!.
***
Аҧҭақәа наҟ-наҟ ицон,
ашьхақәа ҿымҭ игылан.
Агәыла ихы дацәшәон –
агәыла диҭиуан игәыла...
АТӘЫ
«Иацы» сзаҧырымҵит, сакуп шьацҳәак.
«Иахьа» сзыҧшуп, исзыҧшуп иахьак.
Аха «Иацы» сашьҭуам,
сашьҭуам џьаргьы –
стәуп саргьы!..
АДАМ ИҲӘЕИТ...
Бымцан, Лилит, сныжьны бымцан,
анышәаҧшь афҩы схыҵыр ҟамлои!
Ба сбырҧхон, са сзыҳәан бымцан,
бынцәан – сбымблыргьы ҟамлоз!
АШӘАРА
Зегь еилыскаарц сҭахуп, аха
сеилагар ҳәа сшәоит.
Зегь скапануеит, зегь ззоит,
икылкааны исшәоит...
Сеилкаарақәа анхаҭәаалак,
ибгазшәа дунеик,
сиеҵәагь кашәоит, наӡаӡа
сымрагьы нҭашәоит.
***
Иҧсааит, нас, схәамц, иафааит анышә,
ишәыхьча сыҧсы, иқәтәазаап асхымшә,
ашәҭқәа ирыцшәҭлоит, иҧшаны ислоит..
Схәамц ҧсуаз – сыҧсы шәыцны ицалоит.
***
Шаҟа шықәса бжьоузеи Уаҵәынӡа?
Шаҟа версгьы бжьоузеи Уаҵәынӡа?
Изнеиуада Уаҵәынӡа?.. Изылшода?
Уахатәи аҵхгьы ҭынч изыршода?..
***
Аӡә дыцәазар – аӡә дааҧшуеит,
аӡә диуазар – аӡә дыҧсуеит.
Ҭыҧк аҟны ҩыџьа зтәаӡом,
Кәыбак аҿгьы ҩыџьа ҭаӡом.
***
Абахҭа иашьцылаз –
еснагь абахҭа дҭакуп.
Ауҕә иашьцылаз –
иҧсы ҭанаҵы, дҵакуп.
Ахақәиҭраҵәҟьа ахьыҟоу здыруада?
Изеиҧшроузеи иара, ишәҳәандаз?..
Сара зны сҭакуп,
зны сҵакуп,
схақәиҭрагьы ҽакуп...
***
Аҽы ҳәуеит, ала шуеит,
сара ҭынч стәаны сыҧшуеит:
азхара афар уаҟа аҽы,
ала ҧсыр –
зегь ҭынчхо уи аҽны?
***
Уаҕа дуаҩызар, угәы ҭынчыз: уи –
дынцәоуп.
Уџьнышымзар ухаҭа, иаргьы уибоит
ууаҩны.
Угәыла дыцәгьахар, уаҕа иаасҭа
деицәоуп:
унирхом, алаҕәым аҵаҵаны, иҧижәоит
уҩны.
***
Иахак бареи сареи аҵх ҳҷаҧшьон.
Изҧшыз, амзагьы аҧсы азымшьаӡеит.
Иахантәарак сара сыбжьон, сыбжьон,
аха сыбзымжьаӡеит...
***
Шьыжьымҭан сымҧсыр,
сеиқәхар хәылҧазы,
сыҟазаауеит, нас,
уахак бара бзы.
Аҵх-дәаӡагьы салгоит
ицәаҕәаны –
сызнеир шьыжьынӡа,
ба сыбцәынханы.
***
Исымҳәогьы ак ҟалап,
исзымҳәогьы ак ҟалап...
Ма зегь сҳәоит ҳәа уалагар,
гаӡас уршьоит.
Ма уршьуеит.
***
Иузҳәома, сажәеинраала,
исҭаху зегьы?..
Иузыҟаҵома, еиҧшьтәуп
Иацгьы Иахьагьы?..
Иулшома, еиныршәатәуп
Анцәагьы Ауаҩгьы?..
Иудыруазеи иаҳҧеиҧшу ҳәа
уаргьы саргьы?..
***
Ажәеинраала шкәакәа иҩуан –
еиқәаҵәахеит.
Ажәеинраала «бзиа» иҩуан –
еицәахеит.
Ишҧаҟаиҵарыз, нас, дгәаан,
икалам каижьт...
Машьынкала дҟыгә-ҟыгәуеит,
иҟаларишь?..
***
Ажәеинраала шкәакәазар ауеит,
ажәеинраала еиқәаҵәазар ауеит,
уҭахызаргьы иҩежьыз, иҟаҧшьыз,
ииаҵәаз уҭахызаргьы, иаҧшьыз...
Аха иҧшшәыдан ажәеинраала ҟалом!
Аха ажәеинраала ҭацәызар ҟалом!
***
Ах, џьоукы ирзымҩызгьы ҭрыжьуеит,
са изҩыз ҭсыжьыр ҟамлаӡои?!.
***
Ажәҩан-уарҳал ду ианҧсалоуп,
иуаркалеиуа, аеҵәа-бырлаш хәыҷқәа.
Изыҧсаҟьада, мшәан, абас?
Ирхылаҧшуада? Изыхьчода?
Шьҭа реизгарагь зылшода?
Дабаҟоу уи?..
***
Пенелопараа иахьа зынӡа
имаҷхазшәа збоит...
Иҟоугьы – иҷынҷахеит,
ҧшралагьы, гәаҭалагьы.
Аха иабаҟоу дара,
одиссеираагьы?!.
Аҽҳәаҿ иштәоу –
иажәуеит...
***
Ааҧын аҧхара азаамгаӡеит,
ҳамшқәа алаҕырӡ рҿыкәкәоит.
Ирҵәуада?..
Аӡын акәхарушь?..
***
Апоезиагь маӡак аҵоуп,
Ус акәымзар –
изхәарҭоузеи ахаҭа?!.
***
Ах, аҳәатәқәа зегьы зҳәахьада?
Аҟаҵатәқәа зегь ҟазҵахьада?
Анцәа иџьшьоуп ус иахьыҟоу!..
***
Исымҳәаз –ицәыргатәымыз ауп,
уи алацәажәарагьы аҭахӡам.
***
Мап, ажәҩан агәра сызгаӡом.
Асар рымҩала, ашыла каҧсо,
дцоит аӡәы. Дызбаӡом.
Саҭанеи-гәашьа лакәзар уа
ашылахәра иаҿу?..
***
Еибаҳҳәаз – еибаҳҳәеит,
иҟаҳҵазгьы – ҟаҳҵеит.
Ишеимаҳкәаз-ишеиҿаҳкәаз
ҷынҷа кәтаҕьк ҳҵеит.
Ах, уигьы шаҟәахзар,
иҟаҳҵои, нас, шьҭа?!.
Усҟакгьы ҳауҟазаху
ҳҽыжәлартә еиҭа!..
***
Дыбналарц далаган –
ишьапқәа хырҵәеит.
Aк ҟаиҵарц далаган –
инапқәа ҧырҵәеит.
Aк иҳәарц далаган –
ибыз ҭырҳәеит...
Дрымшьӡеи, нас, уи?!.
АЦӘҞЬА
Аx, цәҟьaк саҿашәеит,
мҩа харaк сшаныз...
Cа исҳаз акәзаp уи,
Анцәа иныс?!.
***
– Саpа сакәымызҭгьы,
абысҭа ҟаломызт, –
аҳәеит амысҭхәаг.
Уи ҽxәаразма?..
СЫНЦӘА ИАXЬ
Исуҭаз сымумxын, исумҭац
сыҭала!
Нaс уаҳа сашшӡом – саргьы сыҧсы ҭалап!
АЖӘА
I
Ахырҭәагала сажәа сзырҭәар,–
хызаҵәны сшәақь иагәыласҵоит.
Абырҵкал икылхны исзыртәар –
исымҭан ауаа ирыласҵоит.
II
Ажәа – ламыс цырҟьоуп.
уи аҳаҭыр батәуп!
Ажәа – ныха цырҟьоуп,
иалшогьы мбатәуп!
III
Ажәа – аҟама аиҧш, ихызар ауп,
Ажәа – абџьар иагәылҵыз хызар ауп.
IY
Ажәа заҵәык ихы ақәиҵахьеит ауаҩы!
Ажәа заҵәык иахәшәтәхьоузеи шаҟаҩы!
V
Зажәа ззымҳәакәа иҭахаз
дыҧсыҵәҟьеит!
Зегь ртәы зҳәарц зҭаххаз
дыҧсыцәгьоуп!
VI
Раҧхьа иҟан ажәа.
Нас ажәа ацәа цәгьахеит.
Раҧхьа иҟан ашәа.
Нас уи ауаз ахшеит.
А Х ӘЫ Ҷ Қ ӘА Р З Ы
А Ж Ә Е ИНРААЛА Қ ӘА
ҲАPА ҲТӘЫЛА
– Стәыла иахьӡуп Амратәыла,
мpа шәахәала еснагь еинҭәылоуп!
– Иҟоуп ӡнык зымбац зынгьы,
амpа ахьҭамшәо зынӡагьы!
– Стәыла иахьӡуп Ашәҭқәа Ртәыла,
ашәҭқәа рыла еснагь еинҭәылоуп!
– О, ашәҭқәа ртәыла рҳәоит зегьы,
итәыла ирџьо дҳамбацт аӡәгьы!
– Стәыла иахьӡуп Аҧсынтәыла,
стәыла, стәыла – аҧсyа итәыла,
уаҳа иҟаӡам џьаргьы,
сан леиҧш,
бзиa избоит иаргьы!
– Ҳтәыла иахьӡуп Аҧсынтәыла,
ҳтәыла, ҳтәыла, ҳа ҳзааӡо,
ашәҭқәа ртәыла, амpа атәыла,
аҧсyа итәыла, ҳгәы ҟазҵо!
Ашәа узаҳҳәоит ҳарҭ зегьы,
уxьыӡ шьҭыҵларц есқьынгьы,
еснагь уҟазарц уеинҭәыла,
ҳаpа ҳтәыла Аҧсынтәыла!
395
НАНДУИ ҲАРEИ
Ҳаца днаҵалеит нанду,
длаҧшы-ҩаҧшын –
ҳалбом ҳара.
– Ҳаца зфода? Иқәу шәарбан?
– Ҳаpа ҳами, уаҳа дарбан!
Иаҳфеит аца ҳазхара,
ҳаҿуп ҳақәтәан аҧсшьара.
– Аҳа зфада? Иқәыз шәарбан?
– Ҳаpа ҳами, уаҳа дарбан!
Иаҳфеит, иаҳфаӡеит аҳа,
Шьҭа ҳазцаp ауп алаҳа!
– Абысҭа зфода нaс уаха?
Ашә иагәылoу ӡҭуеит лассы...
– Ашә аҭыҧ ҳаҧшаап, аxа
Абысҭа нҳажьуеит баpа бзы!
Ҳаца даҵатәоуп нанду,
Аца ҿаҳxуеит лаpа лзы.
АAИ АУП ИСЫХЬӠУ
Аaи ҳәа исышьҭоуп сара,
Аaи ауп исыхьӡу сара...
Ишәаҳама,
сан лыбжьы геит:
– Ахши ахҷаҭи бзиa иумбoи ?
– Ааи!
-– Ашәи ахырҵәи бзиa иумбoи ?
– Ааи!
Еиҭаx yа
сан лыбжьы геит:
– Нас, унеины ажәқәа ҧхаҵа,
аҳәарақәа наk икаца...
– Сан, ибҳәаз цкьа исмаҳаӡеит,
ажәқәа ирыцны
аҳәарақәа цеит...
– Аx, аx! –
Сан арxаxь деиxоит,
аҳәарақәа
аҩныkа иаалцеит,
ажәқәа арxаҿы инxеит,
еиҭаx саpа
«мап» сымҳәаӡеит.
Аaи ҳәа исышьҭоуп сара,
Аaи ауп исыхьӡу сара!
АУАРГЬАЛА
Игьалеит ауаргьала
сама иxалоит xыxь.
Зынӡа исxашҭит
сгәалақәа,
зынӡа исxашҭит
сxыxь.
Ҳла Мым тәаны
исыxәаҧшуеит,
ҳаџьма шәаны ибналт.
Ҳашҭа еиужь ду
сықәыҧшуеит,
yа дызбоит Инал.
Иxалоит,
xыxь иxалоит,
иҭалоит нас ҵaҟа...
сҧыруашәа,
ҩада сxалоит,
аx, ибзиоузeи шаҟа!
СЫҨНЫ
Ҩнык «сыргылеит» иҕәҕәаӡа
(сқьаад ианысҵеит ихәхәаӡа),
ахышәқәа ҿасҵеит иҧхьаӡа,
ауаџьаҟқәа асҭеит иҧxаӡа...
Зегь еиқәшәоуп: ахыб, аҭуан,
аxа исхашҭзаап амардуан:
xыxь иҩнасҵаз –
уаkа инxеит,
ҵаkа иҩназгьы –
ҵаkа инxеит...
Нас, ишәгәамҧхаp yи џьоукы,
исыргылап даеакы.
АҔЬЫЧ
Мап, изымбаз – сымфаӡеит,
аxа избаз – сымҵәаxӡеит,
исфеит yи сымҵааӡакәа.
Сылбазаап усҟан Цақәа,
митә ҟалазшәа,
yи дыҳәҳәеит:
– Аҕьыч дыскит!
Аҕьыч дыскит! –
Зегь здыруа саҳәшьа Цакәа,
дцан, имӡакәа
сыцәгьа лҳәеит.
Ах, иҭацәхьан усҟан ҳваза –
Акамфеҭқәа зегьы...
сфазаап!
Нанду дмаҕьит зынӡагьы,
дҳабжьеит Цакәагьы саргьы...
Уи иҳалҳәаз шәа шәазхәыц!
Саргьы «аҕьычра» шьҭа саҟәыҵт.
БАЏЬАЛИ ҲАЦХЕИ
Инапы шҭишьуаз ҳа ҳаҟәџьал,
ҳацха иамхафеит Баџьал.
Ах, Баџьал сымҳәеи, Баџьал,
уадызцалеи ҳа ҳаҟәџьал?!.
Уи зегь ҳзыҳәан ацха ҭан,
уаргьы иудыруазарц ухәҭан.
ҭаацәaк рxәы аӡәы ифаӡом!
Ҧхашьароуп ҳәа yс ҟарҵом.
Инапы шҭишьуаз ҳа ҳаҟәџьал,
ихала ҳацxа ифеит Баџьал,
ианынҵәозгьы имбаӡеит,
изxараҵәҟьагь ҟамлаӡеит.
Аx, Баџьaл мыжда, Баџьал,
абaс уанамҳәeи ҳаҟәџьал:
«Иҕьычны иуфаз – уxаҳаӡом,
yс узҟәышxом, иузҳаӡом!»
АҚӘА
Ақәа цырақәа сыҧхьаӡон –
шәкы рҿынӡа исыҧхьаӡеит.
Ақәа цырақәа сыҧхьаӡон –
Саныбааӡоз сымбаӡеит.
Амра, амра, шьҭа сырба!
Сызҿылҭит сан, иццактәуп.
Aс скәытрабааxа сылбар,
сзықәлыршәаша мықәшәатәуп!
АЦӘАРА ААМҬА
Ицәеит ҳамшгьы, ицәеит шәаҧшьгьы,
уцәа, уцәа, нас, уаргьы!
Ицәеит Лаҧшьгьы, ицәеит Қаҧшьгьы,
ицәеит ицәашаз зегьы.
Дад дышьҭалеит, нан дышьҭалеит,
ицәеит, ицәеит урҭгьы шьҭа.
Амшәгьы аҭыҩра иҭалеит,
уигьы «уцә» аҳәеит еиҭа.
Нас ашамҭаз зегь ҳаицгылап,
уцәаз шаанӡа! Уцәаз шаанӡа!
Амрагь гылом, аӡәгьы дгылом,
шаанӡа –
уа уааҧшаанӡа!
НАРИ НАРҬИ
Валери Гамгиа игәалашәара иазкуп
Нари Нарҭи еишьцәоуп,
излеиҧшугьы рацәоуп.
школк аxь еицны ицоит,
класскаҿ аҵаpа рҵоит.
Илцәеилагоит арҵаҩгьы:
– Наp дабаҟоу? – yи дҵаауеит.
– Амҩа дықәуп, Наp даауеит! –
иҳәоит дҩагылан уаkа Нар,
ма иҟалома лафк имҳәар!
Нaс иччоит аклаcс зегьы,
yс дамxаччоит арҵаҩгьы.
Аҵатәхәқәа иҵоит аӡәы –
ҽнaк yи Наргьы Наpҭгьы иоуп,
аxәшьарақәагьы иаpа иоуп.
Егьи –
иҽазыҟаиҵоит «уаҵәы».
Наp лҳәаргьы –
Нарҭ дҩагылоит‚
Нарҭ лҳәаргьы –
Нарҭ дҩагылоит,
избанзаp «иахьа» Нарҭ итәуп,
ашәҟәқәа рыла ишәыpа ҭәуп.
ҿыҭуа, сбышьҭаларц ара?..
Избоит, сымшқәагь
ирхатәоит шәшьык.
Асар рымҩагь са сазгаӡом.
Сгәыхьгьы аҽарҭынчып шьыжьык,
сыгәгьы уи нахыс ибылӡом.
Нас – зынӡа сымшқәагьы еилгоит.
Нас – зынӡа иҭынчхоит сдунеи.
Хыхь џьара саркьалк абжьы гоит:
«Умшәакәа унеи!»
Ианар 5, 1992
***
Зегь ззеиҧшу аӡә дҟамлакәа ҟалаӡом,
ауаа зегь еиҧшны ахаангьы ииӡом.
Аӡәы кьаҳәк диҭахуп, егьи – цыркьык,
ашәҭқәа дрышьҭоуп аӡәы, егьи – аҳаскьын,
дасу ихәҭоу идыруеит, ус ишоуп.
Џьара амҩа лашьцоуп, џьа илашоуп.
Зегьы-зегь еиҧшны ахаангьы ииӡом,
аршьынк зегь азшәом, ҳаҭак иҭаӡом.
Бымгәаан зынӡагьы, бмаҕьын зынӡагьы,
сыҟоуп сҟазшьала, са схазуп уеизгьы:
ҵәыцакгьы сҭаӡом, кәыбакгьы сҭаӡом,
издыруа зегь сҳәом, исзымдыруа зӡом,
исылшонаҵ – стәом, сныҟәап хара,
шәызбап зегьы, снашәылаҧшп сызхара.
Бысцәымшәан сара, усҵәҟьагьы сгаӡам,
ус, иаарласҵәҟьан, сыҧсырц сгәы иҭаӡам.
Ба бымҩала бцала, са сымҩагь сагалап.
Нас мышкы зны џьа ҳаиҧыларгь ҟалап.
Чара дук уны, ҳаҩналап мҳарак,
ҳизшәа ҿыц, ҳналагап ҿыц анхара.
Ҳзеиҧымлар – лахьынҵоуп, мап, иҳәҳәатәым,
башьҭамлан тәымкгьы, ишҳамуп атәым.
Бысныҳәап еиҭа, бманшәалазгьы сҳәап,
шҳамк бҿанамгаларц, баҿамшәарц шьацҳәак,
гәыҕрала бҭәызарц, насыҧла блашаларц,
быҵхқәа зегь мра шәахәала ишаларц.
Бгәынхарақәа зегь шҳамхоит са сзы.
Ҳаҵхгьы мҧсышеи, ҳамшгьы ҿыхоит лассы.
Бара сышбызхәыцуаз, ишшаз сымбаӡеит,
нас амра ашәахәацқәа хдунеи иахьӡеит.
Знызаҵәык исҭаз, сашәагьы зызкыз,
Сзызҧшу еснагь, сыҕба аҧсҟы зсыркыз,
зны инҵәаз сара сзы, аха нас (цас?)
амшқәа рӡыблара иналаӡ ицаз,
сынасыҧ зырҟьалаз, мап, бсымшәиӡеит.
Смаҕьит, схала сынхазаргь – сымшәаӡеит.
Схырхәаны ибасҳәоит: иҭабуп зегьы рзы,
сахьеилыбкааз азы, быгәрагаразы.
Ииуль 24, 1990
Иалта
***
Схыхра уамак аҭахӡам:
знык бысҿаччар – иазхоит,
сынасыҧ–ҵысгьы сахьӡап,
сеидарақәагьы ласхоит.
Схыхра уамак аҭахӡам:
ажәа ҧхак бҳәар – иазхоит,
нас иҵааргьы – ихьҭаӡам,
мраҵас ба бажәа сарҧхоит.
Схыхра уамак аҭахӡам:
знык бысҭаар – исызхоит,
еиҳау насыҧ сыхәҭаӡам,
дунеик схала истәхоит.
Схыхра уамак аҭахӡам...
УАХЫК
Уахык иахҭнысҵоит сымшқәа зегьы,
ҧсҭазаарак иаҩсуа уахык.
Уи нахыс уаҳа саҳәаӡом акгьы,
уи еиҳау насыҧгьы сҭахым.
Са сгәыҕрақәа зегь уаҟа еихьыгӡа,
уа иулымшо иҟоузеи, Анцәа!
Нас, атәы иеиҧш, усмеигӡан зынӡа,
уҭахызар – сыхәдагьы хҵәа.
Уахык сымазааит, сымшқәа рцымхәрас,
уахык сынцәазааит саргьы.
Уахык зырҭәыз анасыҧ заҟараз
базхәыц баргьы!
Оқтиабр 2, 1989
БЫХЬӠ ҲӘАНЫ ҾЫСҬУЕИТ...
Ладаҟа бдәықәлар – сбышьҭалан сцоит,
Еиҭах, быхьӡ ҳәаны, ҿысҭуеит: «...леи-на!»
Нас аҵх-гәаҩаҿ уа сгәыҕрақәа зӡоит,
Аха, атсеиҧш, ак сықәҳауеит илеины.
Ладаҟа бымцалан – бааила са сахь,
Еснагь ашәхымсаҿ сыҧшуп – сыббазар.
Наунагӡа ҳәа сыгәҭынчра сыҧсахт,
Аӡыблара сҽасҭеит – сеилагазар?
Лаапкык сыцҳазар? Мап! Иац сымҧсызт,
Еиҭах сҿара сырхынҳәырц, о, сашьҭалт.
Нас исцәыӡыз сынасыҧгьы сашьцылт.
Ах, быхьӡ ауп еиқәзырхазгьы сыҧсы!
...иҭабуп – бахьсҧылаз азы!
Сентиабр 28, 1989
ЛЕНА-ӠИАС
Лена сҿаҧхьа иҽырбоит,
избоит Лена ҧхыӡҵас,
иҿыцбарахӡа Лена збоит,
Лена – сара схызҵаз.
Ах, быгәра згеит!
Быгәра згоит,
аха бҟазшьак снаалаӡом.
Лена схыҵәаны сагоит,
цәыкәбарҵас уи
сналаӡуеит.
Лена цоит, ицоит, ицоит,
сахьаго сыздыруам.
Инхаз сымшқәа сыҧхьаӡоит,
избоит: Лена сзыруам!
Аха сашшуам уеизгьы,
срыцҳашьан сыббарцаз.
Ихыҵааит Лена, саргьы
Сналаӡп уи,
цәыкәбарҵас.
Ус иршазаап слахьынҵа:
ихышхыҵәеит, ихышхыҵәеит,
о, еиҭах, абар, исхыҵәеит,
Лена саҵәахит зынӡа!
Лаҕырӡык џьара икаҭәеит,
анасыҧқәагь џьара итәеит.
Лена сашьҭалт –
Сахьӡаӡом.
Бышҟа сдәықәлан –
сызцаӡом.
Сентиабр, 1989
АГӘХЬААГАРА
Бнаскьазгеит иацы, абзиараз ҳәаны,
аха иахьа быгәхьааганы сыҧсуеит:
цәҳәыра мыждак сықәхазшәа,
стәоуп слаҳәны,
бааиуазар ҳәа
иахьак бымҩахь сыҧшуеит.
Быгәхьаагара чмазарахеит са сзы,
уи абзиабара ахьӡума сыздыруам!
Ашьхагьы сызхыҵуам,
амшынгьы сзыруам,
дсықәмақаруеит аҧсцәаҳагьы хазы.
Бара бакәхап, нас, еиқәзырхо сыҧсы,
сахзырҧогьы иаасыдгылаз саџьал.
Нас, сыҳәҳәабжь баҳазар –
бласы! Бласы!
Сымч зқәымхаӡоз
еидара хьанҭак саҵалт.
Исыхьи, мшәан:
схәыҷхама ма сажәыма? –
Мшын цәқәырҧак са исылнаршом акгьы!
Салҵып сҳәан, аха сзалҵуам –
ах, сашьыма?
Сагааит сҳәан, аха
сазымгеит џьаргьы!
Уи с–Голгофа акәзар – исычҳалап,
нас, сеидарагьы ус-ус изгалап.
Икасыжьыр – сыҧсуеит, сыӡуеит зынӡаск.
Схаҭа исшеит уи
са сзын лахьынҵас
Оқтиабр 8, 1989
АЗҴААРА
Зны-зынла быҧшра схашҭыр ҳәа сшәоит,
Маҷ-маҷла ишьақәсыргылоит бхы-бҿы,
иҧҽыз аҧҳал аиҧш, еибысҭоит сгәаҿы,
ус хәҭак насымпыҵшәаны икашәоит.
Нас уи сашьҭоуп, сашьҭоуп уахак,
сашьҭоуп аҵх лашә иалаӡыз сгәыр.
Дыдрыҧшь-ныха снамҵагылан сқәыр,
цәыӡк зынӡа исмоурашәа збоит. Аха
анцәа ихаҵара саҟәыҵхьеит сара,
хыхьӡа дшыҟам здыруеит аӡәгьы.
Аныха ҧсабароуп,
аҧсабара, уеизгьы,
ҳахәҭакуп зегьы; ҳаҧсра, ҳабзара.
Уи зегьы-зегь ҳаџьалқәа ашахьеит,
иароуп измоу ҳанасыҧқәа ҵәахны.
Ҳара мчылаҵәҟьа, аҟамақәа хны,
ҳаҿагыларц ҳаҿуп... Ҳаилагахьеит!
Абарҭқәа зегьы
насхашҭыр ҳәа сшәоит,
маҷ-маҷла ишьақәсыргылоит сгәаҿы.
Усшәа збоит: иахьа сгылоуп ахәаҿы,
аха настәи атышагьы
блала исшәоит.
Бара зынӡа бацәымшәаӡои акгьы?!.
Оқтиабр 6, 1989
Пицунда
***
Сыбжьар бҭахуп, аха сбызжьаӡом,
сыбжьар сҭахуп, аха схы сжьаӡом.
Уажә бара бызхыҧо сара сахыҧахьеит,
амц сҳәаӡом.
Ах, исабҳәо зегь хасҵоит – иҳәала,
сызнысыз амҩалагьы – ҿыц сгала...
Ааҧынқәа ҧшӡам, аха аӡын ҕәҕәаӡам уа,
ус ҳцалап.
Иҧыбшәап сычҳара, бара быхгьы,
сразҟы сшәиуам, саҕьуам зынӡагьы,
сиеҵәахә аиҧш, исхыкны блашала –
нас сыӡрым саргьы.
Ус, мышкы, зны, бгәы зынӡа исыхшәар,
амҩан сызгаша ҳаскьынқәак быҟәшәар,
сынасыҧқәа зегь бзынсыжьуеит бара –
насыҧла беиқәшәарц.
Нас биеҵәахә сакәны хыхь слашалап,
ибцәыӡыз анасыҧқәа са исыҧшаалап,
џьа бгәы нимырхарцаз амҩан аӡәгьы,
хыхьынтә сыҧшлап..
Сыбжьар бҭахуп, аха сбызжьаӡом,
сбыбжьар бҭахуп, аха сыбжьаӡом,
ибҭаху рацәоуп, аха саргьы срахәым,
зегь сцәа иҭаӡом.
АҦШААРА
– Бабаҟоу бара? – исыргеит сыбжьы.
– Адгьыл аҟны! – исаҳаит аҭак.
Бышьҭа сынхылан сдәықәлеит шьыжьык,
аха бахьыҟаз сзымҧшааит еиҭах.
– Бабаҟоу бара? – исыргеит сыбжьы.
– Амшын аҿы! – исаҳаит аҭак.
Амшын ду схыланы, сдәықәлеит шьыжьык,
аха исзымҧшааит уа џьаргьы шьҭак.
– Бабаҟоу бара? – исыргеит сыбжьы.
– Ажәҩан аҿы! – исаҳаит аҭак.
Ҧсаатәҵас ажәҩан салан скахәхәа, шәшьык
нысмыжьит, аха бсымбеит еиҭах.
– Бабаҟоу бара? – исыргеит сыбжьы.
– Амцаҿы! – са исаҳаит аҭак.
Бышҟа сеихеит, аха иблит сцәа-сжьы,
бҿынӡа снаӡар – сыццышәхап схаҭа!
– Бабаҟоу бара? – исыргахт сыбжьы.
– Зегьынџьара! – исаҳаит ацкы.
О, бызбарц бҭахымзар, бааины сыбшьыр!
Ма ҧшааразар, мшәан, сымшқәа рҵакы?...
Ииуль 18, 1990
Иалта
АИЦӘЫӠРА
Ҿысҭын – ибмаҳаӡеит, сбыҧхьан –
са сахь бмааӡеит.
Схала заҵәык сакарак сықәхан –
сыҧсыртә сбааӡеит.
Бышьҭақәа сырхылан сдәықәлан –
тышак сҭанагалт.
Ах, мшынлагьы бышьҭақәа сырхылан –
Ҳаиҭ дысҿанагалт.
Ба бдунеи ахь уназгоз амҩақәа
зегь маӡан – избан?
Ах, бдунеи маӡа ахсаалақәа
ирынӡам – избан?
Быжәлагьы схашҭны, быхьӡгьы схашҭны,
быҟоу ҳәа сҵаауеит.
Адунеи зегь сакәшаны, сҳашкны,
Сыҧхыӡ ахь саауеит.
Ҿысҭуеит еиҭах, сыҳәҳәаны ҿысҭуеит,
ҿыц быхьӡ аҧҵаны.
Нас еиҭа схы ҿысхуеит, схы ҿысхуеит,
сыҧхыӡ хаҵаны.
Шьҭа ҳаилзыргода? Иҳамоу ҧеиҧшк?
Ҳзицәыӡи ҳанцәа?
Ус ҳшеишьҭоу, цгәи ҳәынаҧи реиҧш,
ҳаамҭагьы нҵәап.
АИҦЫРҴРА АШЬҬАХЬ
Бцагьы сымҳәаӡеит, баагылгьы сымҳәаӡеит,
балаҧшуеит бара, аӡәгьы бимшьаҳаӡеит –
бымҩақәа аартуп, зых иақәиҭу аҵыс,
ажәҩан дугьы бымоуп, адгьыл ҧшӡагьы бтәыз –
ибымаскәам акгьы, сҳарамӡам сара,
сшьыцуам, сҕьычуам, исымоуп сызхара:
ҟармаҵыск ашәа сзаҳәар, сара исызхап,
хәырбҕьыцк сызгылар, сыхәрақәа сырҕьап.
Бцагьы сымҳәаӡеит, баагылгьы сымҳәаӡеит,
балаҧшуеит бара, аӡәгьы бимшьаҳаӡеит.
Баагыларгьы – бдәылсцом, нцәас бысшьалап,
бцаргьы – сҽысшьуам, сымҩала схала сцалап.
Нас, мышкы зны, сгәы анахшәалак адунеи,
иҟьалаз аҧа иеиҧш, сгәагәо, быҩны снеип.
Ашәхымсаҿ бнагылан, ибгәыҵаҧса бнапқәа,
сыбдыраанӡа сбыхәаҧшлап, нас быхҿақәа:
«Уаагыл сымҳәазаргьы, уца сымҳәаӡазт, –
уалаҧш, сҳәан, аха убналт уара цас!..»
Ишҧабҳәаз?.. Ишҧасаҳаи?.. Анцәа иныс,
дарбан аҩны итәаз, амҩақәа ирныз? –
Са исзеилкаауам, кыр бдыруама бара?
Ицәгьазар, ибхаршҭ! Исзымычҳазт, сааит ббара.
Аха иааиз ба бакәзар – бзиала баабеит,
бабаҟаз сҳәом, схыбаара-ӡаҩа ҭабеит –
ҳалагап аханатә. Ах, ҳалагап ҿыц!..
О, Анцәа! Нас ҳналагахп еиҭа ҳазҿыц!
***
Ҳәарагьы аҭахӡам
ҳәҳәарагьы аҭахӡам,
зегьы-зегь збоит сара.
ишыбҳәо аиҧш сгаӡам
аӡыназ аҵыҵындра
сахьҵәуам сара,
аҧхынгьы саҳәом,
иалагарц асоура...
Издыруеит, издыруеит,
издыруеит зегьы:
ашәыр ҟалаанӡа, мап,
иҿырхуам уеизгьы.
Аха, ибдыруаз, ишҿоу
ибааргьы ҟалоит,
уазхьамҧшыр зынӡа,
иҟамларгьы ҟалоит;
иҟамларгьы ҟалоит,
иҿабааргьы ҟалоит,
иҟалоит, иҟалоит,
иҟалоит, иҟалоит...
Нас, иарбан уахак
сызбыргәашо сара?
Харакгьы зсыдыбҵо?
Изыбымго сыгәра?..
Уамакгьы ҟамлеит,
ахәацаҧшь заҵәык шәеит.
Ҳамҩақәа еиҧылеит,
абар, нас, ҳаиқәшәеит.
Харакгьы сызбырҧшуазеи,
уа акгьы збаӡом.
Ҳаҵхгьы шьацҳәан – ҳаҿашәеит
шьҭа уи ҳзацәцаӡом.
АИНЫШӘАРА
Сбыхәаҧшын – бысзымдырт,
быхьӡ бҳәандаз еиҭа!
Сдәықәлан, аха сзымцеит,
иҟасҵари шьҭа?!.
Сшьаҳазар, ус акәхап,
сцом ҳәа иҧхьаӡа,
имцымзар – илакәхап,
идырым зынӡа:–
ҳабаҟаз, ҳабацо?
Иаҳзыҧшуи уаҵәы?
Ҳанбаӡуа, ҳабаӡуа?
Ҳахазҵода аҵәы?
Дарбан, нас, ҳаӡбаҩ?
Имеи уи зинс?
Ах, усҵәҟьагьы ҳаӡру,
ҳаӡру зегь рзын?..
Сбыхәаҧшын – бысзымдырт:
быҧсцәаҳау, бынцәоу?
Сдәықәлан, аха сзымцеит –
сымчқәа зегь нҵәоу?
Сшьаҳаны сыбкума? –
Избаӡом акгьы.
Сҿаҳәаны сыбгома –
сабабго уеизгьы?..
Сбыхәацшын – бысзымдырт,
аха мч-мыждак снырт:
сдәықәымлеит, сышзымцоз
иаразнак издырт.
Уи лахьынҵоуп, ус ауп –
исыдыскылт зегьы.
Уигь усуп, уигь усуп,
бахьымхәын баргьы.
Август 6–8, 1988
АҦХЫӠ
Ах, сҧыруан, сҧыруан, сҧыруан
ажәҩан ду салан скахәхәа.
Нас –сбылуан, сбылуан, сбылуан,
сыццышәха сықәҧсон Мжахәа.
Насх, афеникс аиҧш, иҭалон
сыҧсы. Ҿыц иҭалон сыҧсы.
Еиҭах сҧыруа ажәҩан ду салан,
«Сыббомашь!» –сыҳәҳәон бара бзы.
Сбыҧхьон, сбыҧхьон,
бара сбыҧхьон,
аха беиҭамҵит са сзы,
салагт абылра... Агәықәха,
ҽа знык иҭалару сыҧсы?
Ма сыццышәха уа сышьҭахома?
Сыдгьыл гәакьаҿ аҭыҧ сызхома?
Ма быхцәы зыршлаз са сакәзар?
Ари ҧхыӡума? Ма лакәзар?..
Оқтиабр 8, 1989
Пицунда
АЖӘАНҴА
Аҿыҧшра
Сгәырҩақәа рышҳаны ицәысҵеит,
иарҧшшап шьҭа урҭгьы аҧша.
Амрагьы шәахәацқәак ацәызӡеит,
бара бзыҳәан ауп, сынцәа-хша!
Ибымҳәан: «Сыҟаӡам – суцәыргеит!» –
иахьанӡа сбышьҭан сынҵәаха,
Ах, стәы ҳәа сабымҳәан бҽырцәгьан,
са ибасҳәазар «Сынцәа-хша»!..
АИҦЫРҴРА
Сабаҟаз?.. Ианба?.. Сеихон, сеихон –
ба бышҟа, ба бышҟа!
Знык снаӡандаз уа! – сгәы сырҕәҕәон. –
Нас сышәҭуан сбыбышха!
Ақәагьы хымкәеит. Аҵхгьы лашәын –
скаҳауан, сгылон.
Ах, бабаҟоу, бабаҟоу уажәы?
Ацәашьы кны бысҧыло?
Салоуп аҵх сыблаҟьо. Аҵх зегьы
знык ала илбааздарц,
амши амши мышкы зны уеизгьы
наӡаӡа еимаздарц.
Иаха сзырҧхаз, иаха сзыхьчаз –
ба бхызоуп, ба бхызоуп.
Ибымҳәан акгьы: сзынҟьаз-сзынҧаз –
зегь ҧхыӡуп, зегь ҧхыӡуп.
Амра гылар – сылаҕырӡқәа шәып,
илашап сыҧхыӡқәа...
Избоит, ах, избоит: сшьала ибшәит
(ибгәаҕьи!) бшьапхыцқәа!
Аха сашьҭам ашьоура, бымшәан!
Адгьыл зегь хәаҧсама,
џьара ҭыҧк сыҧшаап! Исыхьри, мшәан,
усҵәҟьа сааҧсама?!.
Август 6, 1988
БАРА БЗЫ
Алаф ҳәамҭа
Ах, исшәеит, иззеит, искапанит, аха
ибнаалоз ажәа сзымҧшааит уаха:
бадскылан ашәҭ – иаразнак иканӡеит.
бадскылан аҳәыҳә – илышьҭаҧс ицеит,
бадыскылан аеҵәа – ибылны икашәеит,
бадыскылан амаҭ – ахы агәы ахшәеит...
Бсырҽхәар сҭахын, аха ажәақәа ируам,
бысныҳәар сҭахын, аха ажәақәа ииуам.
Иан лымгәа дҭоуп ари зегь зымбаз!
Ҳашҧеишьи Анцәа, бызшаз бара абас!
Сентиабр 28–29, 1989
АНАСЫҦ
Иахантәарак бхыза кәашон,
иахантәарак насыҧк хәашон...
Бышҟа инеирц иқәҧон аҧшагьы,
иахантәарак смыцәеит саргьы.
Издыруан, мацәысран изҿыз,
ибналаны ишцоз уа ҽызк...
Избеит нас, избеит нас: шьыжьы
акыркырҳәа иччон ба быбжьы...
Аҧшагьы саргьы башаӡа ҳшәон:
зегь ҳцас насыҧк уа икәашон.
1977–1998
АЦӘЫӠҚӘА
Ақәагьы леиуеит, амрагьы ҧхоит.
Ҭыҧҳак саргьы даара дысгәаҧхоит.
Баала сҳәан, аха мап ҳәа дыҳәҳәеит:
«Ақәа хымкәакәа сабацои!» – лҳәеит.
Ақәа хкәозар ҳәа сыҧшуп сшыҧшыц.
Ус ибажәхеит аџь, иазҳаит ашыц.
Амш еилгеит, аха амра ҭашәеит.
Еиҭа лыҽлырххоит, аҵхгьы дацәшәеит:
«Аҵхаҿ суцәыӡуеит, – лҳәеит, – суцәыӡ
Уалаз уара аҵх, ақәагьы уцәыз!..»
Амра сшазыҧшыз, амра ҩагылт,
аха асы, аҷыхь насҿагылт...
Нас иӡҭит асгьы, иқәҵит асырӡ.
Саргьы сыӡит, аха ларгьы дсырӡт.
***
Бабаҟоу сҳәан, ах! Сыҟаӡам бҳәеит.
Са сышҟа бааи сҳәан, беиханы бцоит.
Сбышьҭылаҵәҟьар – сбыхьӡоит,
аха сбышьҭалаӡом!
Сзыбналандаз ҳәа
саргьы сыҧшуеит,
агәыҕрақәа рыла схыхәхәа сҭәуп.
Мчымхарак сгәаҕ еиланаршуеит,
сшытҟәацра стәоуп.
Ибхараӡам, мап, бара акгьы.
Ма харак сара ибыдсҵар ҟалома!
Ибыдсҵартә еиҧш схаҭа сыцқьоума?!.
Ах, шә-тышак сырҭаҳахьеит саргьы.
Издыруеит, издыр: иқәҿаҳәоу ҽҵас,
шҭа хәыҷык ҳҭагьежьуеит зегьы,
Мап, аӡәгьы ҳимшаӡеит ҳара цас!
Мап, ҳимшәиӡеит ҳазшаз Анцәагьы!
Ус иахәҭоуп,
ус ишоуп ҳлахьынҵа:
Арантәи иахьа бналашьа ыҟаӡам!
Ибналаз –
уи дыӡит ауп зынӡа.
Ибналаз –
уи дыҟам уаҳа, дыҟаӡам!
Бабаҟоу сҳәом, сыҟам бымҳәан.
Бааи сҳәом, са снеиуеит –
бмыҳәҳәан.
Ааии Мапи рҳәааҿы уаха ҳаицыҧсып,
Нырцә – Аарцә цҳаны ҳрыбжьаларц азы.
Ах, акгьы сҳәаӡом.
Акгьы бымҳәан.
Бабаҟоу сҳәаӡом,
сыҟам бымҳәан баргьы.
Аҟазаареи аҟамзаареи
рҳәаа еилыргаӡам,
ихадоу адунеигьы
макьана иаартӡам.
Узусҭдагьы бымҳәан –
уи издырӡом аӡәгьы.
Оқтиабр 6, 1991
БЫҦСИТ ҲӘА САРҲӘЕИТ...
Мне сказали, что ты умерла...
Н. Клюев
Быҧсит ҳәа сарҳәеит иахьа.
Ирҳәеит: абыҕькаҧсара бналаӡит.
Ашәҭқәагьы усҟан иҩахьан,
Издырит: ахьҭақәа бнаалаӡом.
Ицаз зегь схасыршҭырц саҿын,
аха мап: амра аҭашәамҭаз,
ҳаилаҵәан, ҳгылан ахәаҿы...
Ах, даҽа зныкгьы ҳаиқәшәандаз!
Аха бымҩа Наҟ ибырхеит,
Араҟа сынбыжьит са схала.
Ибымҭан ашәаҧшьқәа сзынхеит,
бырлашҵас сыхәда инахалеит.
Ҳдунеигьы иаҧсахт ахаҿы.
Акгьы сҳәарым – сгәы иауазар.
Есуаха стәоуп ахәаҿы,
бымҩахь сыҧшуеит: баауазар?..
Ус амра ҩагылоит шьыжьы.
Ба быда, адунеи зегь ҿыхоит.
«Бабаҟоу?» – исыргоит сыбжьы.
Жәҩанла уа иниаҟьоит ҽыхәак.
АГӘЫ
Иосиф Уткин иҟнытә
Иҳамшаҭеит џьара акгьы:
ацәгьа хәашеи абзиа лашеи
еиҩаҳшеит иҳамаз зегьы,
еиҟараны
ҳҷан зегьы ҳшеит.
Ига смал,
ибымаз зегьы!
Ига ибызго, сара ҿысҭуам!
Иҟәыбаса иқәылҵаз сыгәгьы,
данцоз,
еидыҟәшәалан илысҭеит.
Зегьы-зегь лгеит,
инылмыжьт акы:
иаҧсаз, иаҧсамыз –
ак лхамшҭит.
Аха сгәы...
дааҳәынгьы дазхьамҧшит.
Илҳәеит: «Исыҧшааит даҽакы!»
ИСХАРАӠАМ АКГЬЫ
1-тәи авариант
Исхараӡам, исхараӡам акгьы.
Икыдҵәаны илеиуан ақәагьы,
идыдуан, ажәҩан аҿын абгара.
Бгәамҵ-хамҵуа акы башьҭан бара:
сыхәда хызҵәаран иҟаз аиха?..
Аха аҵх лашә сагеит сдәылган иаха.
Сзыхьчода иахьа?..
2-тәи авариант
Исхараӡам, исхараӡам акгьы,
икыдҵәаны илеиуан ақәагьы,
идыдуан, ажәҩан аҿын абгара.
Самцхәызма, сдәылцара баҿын бара,
аха сызцомызт, сшьаҳаны стәан –
стәын...
3-тәи авариант
Исхараӡам, исхараӡам акгьы.
Икыдҵәаны илеиуан ақәагьы.
Идыдуан, ажәҩан аҿын абгара.
Бгәамҵ-хамҵуа акы башьҭан бара:
баб иҟама ма акасаҧ еиха?
Ба боума, мшәан, сызшьыз иаха?
Нас ашамҭазы иҭазҵаз сыҧсы –
адунеи сықәзарц еснагь
бара бзы?..
АИҦЫЛАРА
Џь. Китс иҿырҧшны
Бымцан, быбналан бымцан,
ҳаиқәымшәар ҟалоит уаҵәы.
Аҵхаҿ быблақәа бымӡан,
сҟамагьы лысҭом ҽаӡәы.
Ах, иҟәымшәышәуп аҭәа,
бзамҩагьы амцеиҧш ишуп.
Адәаӡа, изымбац цәмаҭәак,
игәыҿкаагаха иҧшуп.
БЕТТИ
Џь. Китс иҟнытә
Ахәы схыҵны, арҩаш сырны,
аџьармыкьахь сцон скаууа:
чаџьқәак сфарц, сааҽырбарц,
ус снарылаҧшырц ауаа.
Бетти гызмал дысҧылт амҩан
(аҧша ахы иҭарҧан лыҵкы).
Исҳәеит: «Сыззаауаз ба бзами!»
Илҳәеит ларгьы уи ацкы.
Дыҧшӡаз шаҟа – ишәымбеитеи!
Дласыватәеит, дымцаӡеит.
Ах, Бетти! Уа дхышәҭит Бетти,
ишыҟалаз ҳәа сымбаӡеит.
«Аӡә даауеит! Аӡә даауеит!» –
«Бымшәан, Бетти! Уи аҽоуп».
Исымбац ак сыҧшаауеит,
саргьы сқәыҧшуп, саргьы сҿоуп.
«Ах, уаагыл зны! Уаагыл зны!» –
«Бымшәан, Бетти! Митә ҟамлеит!»
Иҽырбеит уа ашәҭқәа гәылҵны,
цәқәырҧа дукгьы хыҵны илеит.
Ҳаи, узцома зынӡа ухьамҧшӡо,
дуҧылар амҩан ус џьара
Бетти леиҧш иҟоу аҧшӡа,
сымҩа схазыршҭыз сара?!.
***
Бааизар – бымцан, бааизар –
бымцан!
Бара бакәын сыҩны зырҧхоз –
бымцан!
Ибымбои, иқәыџьмаха, аӡын
аауеит.
Зызхара ҟамлац амшәгьы
хәаауеит.
Уигьы аӡын иаршәеит, нас.
сара
исылшома схала аӡын
ацәцара?!.
Бмааицзаргьы – бааи. бааизар –
бымцан!
Сыхьчатәуп, ба бами сзыблыз –
бымцан!
А Ц Ы Ҧ Ҵ ӘА Х А Қ ӘА
Инаӡоу жәеинраалақәак нас ирылсхып ҳәа иҟасҵоз анҵамҭақәа рахьынтәи акык-ҩбак, излауаз ала
ихыркәшашәа иҟасҵан, абраҟа аҧхьаҩцәа ирыдызгалар сҭахуп. «Ацыҧҵәахақәа» ҳәа рыхьыӡҵаны, изыҧсоу дара ирбааит.
АШӘА АМЧ
Сара сшәаҳәозар – аҟармаҵыс ӡырҩуеит,
аҟармаҵыс шәаҳәозар – сара сӡырҩуеит,
ашәҭқәа зегь шәҭуеит, адунеи дугьы лашоит,
амч еиқәаҵәақәагьы, ишызбо. ихәашоит...
Избеит: аӡәгьы данымшәаҳәо – илашьцоит,
амч еиқәаҵәақәагьы адунеи иахьӡоит.
АҬАМЗААРА АШЬҬАҴАРА
Сынцәа сишьҭоуп, аха
Дызбаӡом –
дахьыҟам акәзар
сахьыҧшаауа?
Ах, сыҟам уеизгьы.
сгәы ҧшаауа –
сыҧшаауашәа ҟасҵоит ауп саргьы,
саҭоумҵан, Анцәа!..
***
Издыруеит, издыруеит, издыруеит,
зегь ҳамҩақәа Уахь ауп иахьцо.
Баша ҳгәамҵуеит, баша ҳуазыруеит.
дыҟам аамҭақәа зегь ирыхьӡо...
***
Џьара ашәабжь гоит, џьара – ауаз.
Ашәала исҧылт Арахь санаауаз.
Арантә санцогьы исыцыз ашәак –
ауаз сҭахым,
амыткәмагьы иазхаз.
***
Саҿашәымҵан анышә –
сашәҭар аҧша,
сышьхақәа рышҟа сагоит.
* * *.
О, мап-мап! Исҭахым уи зынӡагьы,
са исымоу адгьыл сызхоит. Џьаргьы
сыццакӡом. Сашәагь ҭынч инасыгӡоит.
Нас Аҩада схалоит, Ажәҩан сазцоит.
Уа иҟоуп Сымра, уа иҟоуп Сшәахәа.
Аратәи сусқәа ирхьышәшь аҵәаҕәа.
***
Ацәа цәашьы аиҧш, амш зегьы блит.
Ахәагь аҭнымхеит, алҩагьы ҧрит.
Тымитышак илҭаҳазшәа, аҵх
ҧсымҭә инлахәлабга ицеит...
Гәыҕрак сыцын – сара сымшәаӡеит
***
Аӡкнаҳа, арахәыц аиҧш, икнаҳауп,
инҵәаӡом, иҧҵәаӡом, илакьҭоит,
аҽашьырц ацаҟьа ашьапаҿы икаҭәоит,
иадыруеит, ҩада изхалаӡом уаҳа.
***
Избоит, ухәда дықәтәоуп
аҩсҭаа гызмал –
иааҟауҵо зегьы узырҟаҵо
иара иоуп...
Сара сузгәааӡом.
***
Амҩахь сыҧшуеит,
амҩахь сыҧшуеит:
исзааиуа дызбар сҭахуп...
Дыҧсцәаҳамзааит, Анцәа иныс?!.
***
Аҧҭақәа наҟ-наҟ ицон,
ашьхақәа ҿымҭ игылан.
Агәыла ихы дацәшәон –
агәыла диҭиуан игәыла...
АТӘЫ
«Иацы» сзаҧырымҵит, сакуп шьацҳәак.
«Иахьа» сзыҧшуп, исзыҧшуп иахьак.
Аха «Иацы» сашьҭуам,
сашьҭуам џьаргьы –
стәуп саргьы!..
АДАМ ИҲӘЕИТ...
Бымцан, Лилит, сныжьны бымцан,
анышәаҧшь афҩы схыҵыр ҟамлои!
Ба сбырҧхон, са сзыҳәан бымцан,
бынцәан – сбымблыргьы ҟамлоз!
АШӘАРА
Зегь еилыскаарц сҭахуп, аха
сеилагар ҳәа сшәоит.
Зегь скапануеит, зегь ззоит,
икылкааны исшәоит...
Сеилкаарақәа анхаҭәаалак,
ибгазшәа дунеик,
сиеҵәагь кашәоит, наӡаӡа
сымрагьы нҭашәоит.
***
Иҧсааит, нас, схәамц, иафааит анышә,
ишәыхьча сыҧсы, иқәтәазаап асхымшә,
ашәҭқәа ирыцшәҭлоит, иҧшаны ислоит..
Схәамц ҧсуаз – сыҧсы шәыцны ицалоит.
***
Шаҟа шықәса бжьоузеи Уаҵәынӡа?
Шаҟа версгьы бжьоузеи Уаҵәынӡа?
Изнеиуада Уаҵәынӡа?.. Изылшода?
Уахатәи аҵхгьы ҭынч изыршода?..
***
Аӡә дыцәазар – аӡә дааҧшуеит,
аӡә диуазар – аӡә дыҧсуеит.
Ҭыҧк аҟны ҩыџьа зтәаӡом,
Кәыбак аҿгьы ҩыџьа ҭаӡом.
***
Абахҭа иашьцылаз –
еснагь абахҭа дҭакуп.
Ауҕә иашьцылаз –
иҧсы ҭанаҵы, дҵакуп.
Ахақәиҭраҵәҟьа ахьыҟоу здыруада?
Изеиҧшроузеи иара, ишәҳәандаз?..
Сара зны сҭакуп,
зны сҵакуп,
схақәиҭрагьы ҽакуп...
***
Аҽы ҳәуеит, ала шуеит,
сара ҭынч стәаны сыҧшуеит:
азхара афар уаҟа аҽы,
ала ҧсыр –
зегь ҭынчхо уи аҽны?
***
Уаҕа дуаҩызар, угәы ҭынчыз: уи –
дынцәоуп.
Уџьнышымзар ухаҭа, иаргьы уибоит
ууаҩны.
Угәыла дыцәгьахар, уаҕа иаасҭа
деицәоуп:
унирхом, алаҕәым аҵаҵаны, иҧижәоит
уҩны.
***
Иахак бареи сареи аҵх ҳҷаҧшьон.
Изҧшыз, амзагьы аҧсы азымшьаӡеит.
Иахантәарак сара сыбжьон, сыбжьон,
аха сыбзымжьаӡеит...
***
Шьыжьымҭан сымҧсыр,
сеиқәхар хәылҧазы,
сыҟазаауеит, нас,
уахак бара бзы.
Аҵх-дәаӡагьы салгоит
ицәаҕәаны –
сызнеир шьыжьынӡа,
ба сыбцәынханы.
***
Исымҳәогьы ак ҟалап,
исзымҳәогьы ак ҟалап...
Ма зегь сҳәоит ҳәа уалагар,
гаӡас уршьоит.
Ма уршьуеит.
***
Иузҳәома, сажәеинраала,
исҭаху зегьы?..
Иузыҟаҵома, еиҧшьтәуп
Иацгьы Иахьагьы?..
Иулшома, еиныршәатәуп
Анцәагьы Ауаҩгьы?..
Иудыруазеи иаҳҧеиҧшу ҳәа
уаргьы саргьы?..
***
Ажәеинраала шкәакәа иҩуан –
еиқәаҵәахеит.
Ажәеинраала «бзиа» иҩуан –
еицәахеит.
Ишҧаҟаиҵарыз, нас, дгәаан,
икалам каижьт...
Машьынкала дҟыгә-ҟыгәуеит,
иҟаларишь?..
***
Ажәеинраала шкәакәазар ауеит,
ажәеинраала еиқәаҵәазар ауеит,
уҭахызаргьы иҩежьыз, иҟаҧшьыз,
ииаҵәаз уҭахызаргьы, иаҧшьыз...
Аха иҧшшәыдан ажәеинраала ҟалом!
Аха ажәеинраала ҭацәызар ҟалом!
***
Ах, џьоукы ирзымҩызгьы ҭрыжьуеит,
са изҩыз ҭсыжьыр ҟамлаӡои?!.
***
Ажәҩан-уарҳал ду ианҧсалоуп,
иуаркалеиуа, аеҵәа-бырлаш хәыҷқәа.
Изыҧсаҟьада, мшәан, абас?
Ирхылаҧшуада? Изыхьчода?
Шьҭа реизгарагь зылшода?
Дабаҟоу уи?..
***
Пенелопараа иахьа зынӡа
имаҷхазшәа збоит...
Иҟоугьы – иҷынҷахеит,
ҧшралагьы, гәаҭалагьы.
Аха иабаҟоу дара,
одиссеираагьы?!.
Аҽҳәаҿ иштәоу –
иажәуеит...
***
Ааҧын аҧхара азаамгаӡеит,
ҳамшқәа алаҕырӡ рҿыкәкәоит.
Ирҵәуада?..
Аӡын акәхарушь?..
***
Апоезиагь маӡак аҵоуп,
Ус акәымзар –
изхәарҭоузеи ахаҭа?!.
***
Ах, аҳәатәқәа зегьы зҳәахьада?
Аҟаҵатәқәа зегь ҟазҵахьада?
Анцәа иџьшьоуп ус иахьыҟоу!..
***
Исымҳәаз –ицәыргатәымыз ауп,
уи алацәажәарагьы аҭахӡам.
***
Мап, ажәҩан агәра сызгаӡом.
Асар рымҩала, ашыла каҧсо,
дцоит аӡәы. Дызбаӡом.
Саҭанеи-гәашьа лакәзар уа
ашылахәра иаҿу?..
***
Еибаҳҳәаз – еибаҳҳәеит,
иҟаҳҵазгьы – ҟаҳҵеит.
Ишеимаҳкәаз-ишеиҿаҳкәаз
ҷынҷа кәтаҕьк ҳҵеит.
Ах, уигьы шаҟәахзар,
иҟаҳҵои, нас, шьҭа?!.
Усҟакгьы ҳауҟазаху
ҳҽыжәлартә еиҭа!..
***
Дыбналарц далаган –
ишьапқәа хырҵәеит.
Aк ҟаиҵарц далаган –
инапқәа ҧырҵәеит.
Aк иҳәарц далаган –
ибыз ҭырҳәеит...
Дрымшьӡеи, нас, уи?!.
АЦӘҞЬА
Аx, цәҟьaк саҿашәеит,
мҩа харaк сшаныз...
Cа исҳаз акәзаp уи,
Анцәа иныс?!.
***
– Саpа сакәымызҭгьы,
абысҭа ҟаломызт, –
аҳәеит амысҭхәаг.
Уи ҽxәаразма?..
СЫНЦӘА ИАXЬ
Исуҭаз сымумxын, исумҭац
сыҭала!
Нaс уаҳа сашшӡом – саргьы сыҧсы ҭалап!
АЖӘА
I
Ахырҭәагала сажәа сзырҭәар,–
хызаҵәны сшәақь иагәыласҵоит.
Абырҵкал икылхны исзыртәар –
исымҭан ауаа ирыласҵоит.
II
Ажәа – ламыс цырҟьоуп.
уи аҳаҭыр батәуп!
Ажәа – ныха цырҟьоуп,
иалшогьы мбатәуп!
III
Ажәа – аҟама аиҧш, ихызар ауп,
Ажәа – абџьар иагәылҵыз хызар ауп.
IY
Ажәа заҵәык ихы ақәиҵахьеит ауаҩы!
Ажәа заҵәык иахәшәтәхьоузеи шаҟаҩы!
V
Зажәа ззымҳәакәа иҭахаз
дыҧсыҵәҟьеит!
Зегь ртәы зҳәарц зҭаххаз
дыҧсыцәгьоуп!
VI
Раҧхьа иҟан ажәа.
Нас ажәа ацәа цәгьахеит.
Раҧхьа иҟан ашәа.
Нас уи ауаз ахшеит.
А Х ӘЫ Ҷ Қ ӘА Р З Ы
А Ж Ә Е ИНРААЛА Қ ӘА
ҲАPА ҲТӘЫЛА
– Стәыла иахьӡуп Амратәыла,
мpа шәахәала еснагь еинҭәылоуп!
– Иҟоуп ӡнык зымбац зынгьы,
амpа ахьҭамшәо зынӡагьы!
– Стәыла иахьӡуп Ашәҭқәа Ртәыла,
ашәҭқәа рыла еснагь еинҭәылоуп!
– О, ашәҭқәа ртәыла рҳәоит зегьы,
итәыла ирџьо дҳамбацт аӡәгьы!
– Стәыла иахьӡуп Аҧсынтәыла,
стәыла, стәыла – аҧсyа итәыла,
уаҳа иҟаӡам џьаргьы,
сан леиҧш,
бзиa избоит иаргьы!
– Ҳтәыла иахьӡуп Аҧсынтәыла,
ҳтәыла, ҳтәыла, ҳа ҳзааӡо,
ашәҭқәа ртәыла, амpа атәыла,
аҧсyа итәыла, ҳгәы ҟазҵо!
Ашәа узаҳҳәоит ҳарҭ зегьы,
уxьыӡ шьҭыҵларц есқьынгьы,
еснагь уҟазарц уеинҭәыла,
ҳаpа ҳтәыла Аҧсынтәыла!
395
НАНДУИ ҲАРEИ
Ҳаца днаҵалеит нанду,
длаҧшы-ҩаҧшын –
ҳалбом ҳара.
– Ҳаца зфода? Иқәу шәарбан?
– Ҳаpа ҳами, уаҳа дарбан!
Иаҳфеит аца ҳазхара,
ҳаҿуп ҳақәтәан аҧсшьара.
– Аҳа зфада? Иқәыз шәарбан?
– Ҳаpа ҳами, уаҳа дарбан!
Иаҳфеит, иаҳфаӡеит аҳа,
Шьҭа ҳазцаp ауп алаҳа!
– Абысҭа зфода нaс уаха?
Ашә иагәылoу ӡҭуеит лассы...
– Ашә аҭыҧ ҳаҧшаап, аxа
Абысҭа нҳажьуеит баpа бзы!
Ҳаца даҵатәоуп нанду,
Аца ҿаҳxуеит лаpа лзы.
АAИ АУП ИСЫХЬӠУ
Аaи ҳәа исышьҭоуп сара,
Аaи ауп исыхьӡу сара...
Ишәаҳама,
сан лыбжьы геит:
– Ахши ахҷаҭи бзиa иумбoи ?
– Ааи!
-– Ашәи ахырҵәи бзиa иумбoи ?
– Ааи!
Еиҭаx yа
сан лыбжьы геит:
– Нас, унеины ажәқәа ҧхаҵа,
аҳәарақәа наk икаца...
– Сан, ибҳәаз цкьа исмаҳаӡеит,
ажәқәа ирыцны
аҳәарақәа цеит...
– Аx, аx! –
Сан арxаxь деиxоит,
аҳәарақәа
аҩныkа иаалцеит,
ажәқәа арxаҿы инxеит,
еиҭаx саpа
«мап» сымҳәаӡеит.
Аaи ҳәа исышьҭоуп сара,
Аaи ауп исыхьӡу сара!
АУАРГЬАЛА
Игьалеит ауаргьала
сама иxалоит xыxь.
Зынӡа исxашҭит
сгәалақәа,
зынӡа исxашҭит
сxыxь.
Ҳла Мым тәаны
исыxәаҧшуеит,
ҳаџьма шәаны ибналт.
Ҳашҭа еиужь ду
сықәыҧшуеит,
yа дызбоит Инал.
Иxалоит,
xыxь иxалоит,
иҭалоит нас ҵaҟа...
сҧыруашәа,
ҩада сxалоит,
аx, ибзиоузeи шаҟа!
СЫҨНЫ
Ҩнык «сыргылеит» иҕәҕәаӡа
(сқьаад ианысҵеит ихәхәаӡа),
ахышәқәа ҿасҵеит иҧхьаӡа,
ауаџьаҟқәа асҭеит иҧxаӡа...
Зегь еиқәшәоуп: ахыб, аҭуан,
аxа исхашҭзаап амардуан:
xыxь иҩнасҵаз –
уаkа инxеит,
ҵаkа иҩназгьы –
ҵаkа инxеит...
Нас, ишәгәамҧхаp yи џьоукы,
исыргылап даеакы.
АҔЬЫЧ
Мап, изымбаз – сымфаӡеит,
аxа избаз – сымҵәаxӡеит,
исфеит yи сымҵааӡакәа.
Сылбазаап усҟан Цақәа,
митә ҟалазшәа,
yи дыҳәҳәеит:
– Аҕьыч дыскит!
Аҕьыч дыскит! –
Зегь здыруа саҳәшьа Цакәа,
дцан, имӡакәа
сыцәгьа лҳәеит.
Ах, иҭацәхьан усҟан ҳваза –
Акамфеҭқәа зегьы...
сфазаап!
Нанду дмаҕьит зынӡагьы,
дҳабжьеит Цакәагьы саргьы...
Уи иҳалҳәаз шәа шәазхәыц!
Саргьы «аҕьычра» шьҭа саҟәыҵт.
БАЏЬАЛИ ҲАЦХЕИ
Инапы шҭишьуаз ҳа ҳаҟәџьал,
ҳацха иамхафеит Баџьал.
Ах, Баџьал сымҳәеи, Баџьал,
уадызцалеи ҳа ҳаҟәџьал?!.
Уи зегь ҳзыҳәан ацха ҭан,
уаргьы иудыруазарц ухәҭан.
ҭаацәaк рxәы аӡәы ифаӡом!
Ҧхашьароуп ҳәа yс ҟарҵом.
Инапы шҭишьуаз ҳа ҳаҟәџьал,
ихала ҳацxа ифеит Баџьал,
ианынҵәозгьы имбаӡеит,
изxараҵәҟьагь ҟамлаӡеит.
Аx, Баџьaл мыжда, Баџьал,
абaс уанамҳәeи ҳаҟәџьал:
«Иҕьычны иуфаз – уxаҳаӡом,
yс узҟәышxом, иузҳаӡом!»
АҚӘА
Ақәа цырақәа сыҧхьаӡон –
шәкы рҿынӡа исыҧхьаӡеит.
Ақәа цырақәа сыҧхьаӡон –
Саныбааӡоз сымбаӡеит.
Амра, амра, шьҭа сырба!
Сызҿылҭит сан, иццактәуп.
Aс скәытрабааxа сылбар,
сзықәлыршәаша мықәшәатәуп!
АЦӘАРА ААМҬА
Ицәеит ҳамшгьы, ицәеит шәаҧшьгьы,
уцәа, уцәа, нас, уаргьы!
Ицәеит Лаҧшьгьы, ицәеит Қаҧшьгьы,
ицәеит ицәашаз зегьы.
Дад дышьҭалеит, нан дышьҭалеит,
ицәеит, ицәеит урҭгьы шьҭа.
Амшәгьы аҭыҩра иҭалеит,
уигьы «уцә» аҳәеит еиҭа.
Нас ашамҭаз зегь ҳаицгылап,
уцәаз шаанӡа! Уцәаз шаанӡа!
Амрагь гылом, аӡәгьы дгылом,
шаанӡа –
уа уааҧшаанӡа!
НАРИ НАРҬИ
Валери Гамгиа игәалашәара иазкуп
Нари Нарҭи еишьцәоуп,
излеиҧшугьы рацәоуп.
школк аxь еицны ицоит,
класскаҿ аҵаpа рҵоит.
Илцәеилагоит арҵаҩгьы:
– Наp дабаҟоу? – yи дҵаауеит.
– Амҩа дықәуп, Наp даауеит! –
иҳәоит дҩагылан уаkа Нар,
ма иҟалома лафк имҳәар!
Нaс иччоит аклаcс зегьы,
yс дамxаччоит арҵаҩгьы.
Аҵатәхәқәа иҵоит аӡәы –
ҽнaк yи Наргьы Наpҭгьы иоуп,
аxәшьарақәагьы иаpа иоуп.
Егьи –
иҽазыҟаиҵоит «уаҵәы».
Наp лҳәаргьы –
Нарҭ дҩагылоит‚
Нарҭ лҳәаргьы –
Нарҭ дҩагылоит,
избанзаp «иахьа» Нарҭ итәуп,
ашәҟәқәа рыла ишәыpа ҭәуп.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 12
- Büleklär
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3250Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3353Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20790.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3330Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3194Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3210Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18620.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3261Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3294Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3201Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3265Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3262Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3374Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1135Unikal süzlärneñ gomumi sanı 9090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.