Latin

Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 07

Süzlärneñ gomumi sanı 3261
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1956
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
БАРА БЗЫ
Адунеи абеиарақәа зегь бысҭеит бара.
Адунеи аҧшӡарақәа зегь бысҭеит бара.
Ибхатәуп ҳәа иҧхьаӡа ашьхақәа, адәқәа,
амшынқәа, аӡиасқәа, абнақәа, аҧстәқәа...
Уаҟа бзакәанқәа ба ишыбҭаху иаҧҵа,
еилазгом сара урҭ, сыркьысуам зынӡа.
Аха исымоуп сара ҭыҧк, инсыжьит схазы,
са сдунеи – сара сгәы, иҭахкаау хазы,
уаҟа шәымчыдоуп бзакәангьы, баргьы,
уа аҳас иҟоу са соуп, уаҳа – аӡәгьы.
Баргьы еилыбкаар сҭахуп, базхәыц:
еишьцәаз ҩ-дунеик,
аибашьра баҟәыҵ.
АҴХ
1. Аҵх анааи...
Ажәҩан ыӡт – аҵх иафахаҭеит.
Нас – суадаҿ иааины илатәеит.
Цәа-цәгьак
зегьы-зегь ирханаҵеит.
Баргьы
зынӡа бзымбартә бҟанаҵеит.
Ус мацәыск
ҳдунеи ду еиҩнашеит.
Суадагьы,
О, знык иаалашеит.
Иаалашеит, аха бсымбаӡеит
бара – аҵх бҽалак
бдәылҟьаны бцеит.
Мап, аҵх бысцәагеит,
аҵх – агәылшьап.
Ишьыцуазгьы –
ҽа знык иҧхашьап!
Аҵх-лашә гәамҵит,
гәаҕлагьы иҭәуп.
Иҳәҳәеит уи:
«Дусҭом! Сара дыстәуп!»
Сышәхымс уахак
илаҭәоит алаҕырӡқәа.
Иҵәуада, иабаҟаз алаҕырӡқәа?.,
Аҵх-ҧсымҭә
саргьы сафарц иаҿуп.
избоит: аа, иараҳаит аҿы...
2. Ҵхагәаны...
Алақәа шуеит. Алақәа шуеит.
Каамеҭ ҟалазшәа. Аҵхгьы лашәын
ажәҩан аҭыҧан икнарҳаит ашәы.
Аеҵәақәа блит. Алақәа шуеит.
О, дарбану иҟьалаз –
ҿҭыбжьык гоит.
Аҵх амгәарҭа дызҭыҵуам аӡәы.
Игоит бжьык, иҵаауеит: «Уаҵәы?»
Згәы ҭынчым аӡә дыҟоуп,
избоит.
Алақәа шуеит, рҷапанқәа кашәоит,
уаҵәы зҭахыда, уаха ҳаиқәханда,
ацх-гәылшьап ҳамфакәа ҳанханда!
Сзыцәом. Сыцәар –
имшар ҳәа сшәоит.
3. Ашамҭаз
Са сыҧшын,
амра агылара сазҧшын.
Саҧхьа амшын,
ирхәызшәа,
гәынқьран изҿыз.
Салабжьон са стәала:
«Уҽырҭынч, амшын!»
Аха
икьыркьырит
алакә аҟнытә
ҽызк.
Аҵх рцәажәауа,
уи абжьы сызнаргон:
«Уаала-уаала!» ҳәа
исыҧхьон џьара.
Сара амш аира збон,
амра агәра згон.
Садырсызшәа,
сангылан уа аҟәара.
Исхараз,
исықәмақаруан амшын.
Избон сара:
амшын ахьаақәа рацәан.
Сара амра сазҧшын,
уахак сыҧшын.
Исхәаҽырц,
имҵарс икны,
аҵх ахәдацәа.
Ус амши аҵхи
рҳәааҿы сынхеит сара.
Уа сныжьны,
ицеит ахала
са сҽыз.
Арахь – исзеиқәымкит
амшын агәынқьра.
Имааицт амшгьы –
исырҿыхарц
сызҿыз.
АҦСЫМРА
Адгьыл иқәҧшуеит аҧсымра.
Адгьыл иқәҵуеит аҧсымра.
Изтәу рахь ицоит аҧсымра,
уаҳа алшом, иҧсуеит аҧсымра.
Уара узакәӡам уи зыҧхо,
сара сзакәӡам уи зыҧхо,
аҧсцәа рзами уи зыҧхо,
аҧсцәа рами уи иарҧхо,
бзак уи амра дазырҧхом.
Уаҧҵамҭа аҧсы ҭазар аарла,
аҧсымра еиҧш,
уаҩ дамырҧхозар уажәеинраала,
аҧсымреиҧш,
ишьҭаҵа укалам насҭха,
даҽа уск ашҟа уеиха,
умшәан,
умч ҧышәа даҽа ускаҿ!
Ухаҵами иара усгьы!
УАРА ИУЕИҦШЫЗМА УРҬ!..
Иагьаҩы аҧсаххьеит ари адунеи –
уара иуеиҧшызма урҭ!
Иагьаҩы афахьеит ари адунеи –
уара иуеиҧшызма урҭ!
Џьоук ражәа азынхеит ари адунеи –
уара иуеиҧшызма урҭ!
Џьоук русқәа азынхеит ари адунеи –
уара иуеиҧшызма урҭ!
Нас иарбан, мшәан, изугаз ҳа ҳхы,
ашхы?
АҼАДАҚӘА
Иҽадоуп аҽадақәа,
аха ус, ишуҳәо,
игаӡам.
Амаҵурагьы иашьҭам,
аҭыҧ ҧхагьы
рҭахӡам.
Ирылшогьы рдыруеит урҭ,
ирылымшогьы – мап –
Урыхәаҧш, нас, урыхәаҧш –
ишгаӡам
ухалагьы иубап!
Иҽадақәаны иҳамандаз,
ах, издырқәо џьоукы –
ааҵәақәак нарықәҵан,
иҳамгоз
аӡлагарахь
мышкы!
Аха уиҵәҟьагьы рылшом урҭ –
ирылаҧҵәеит рдақәа.
Ах, узҿузеишь уара:
уасны
иурџьоит
аҽадақәа!..
АХЫ
Ахы мыжда
зегьы ирхагылами,
зегьы,
аха са стәы
зегьы иреиҕьуп,
уҳәоит уаргьы...
Ах, убз аҟара
аус ауандаз ухы,
ари
ахы ихагылаҵәҟьоуп,
рымҳәоз ауаагьы!
***
Ах, иухо, иугәо,
ухаргалеит ахәы.
Нас хыхьынтә улаҧшызар –
ушәеит:
иушьҭаланы ихалоз
иуцәырфар ухәы?! –
Еишьҭалеит ахаҳәқәа,
ахрагьы ҧжәеит.
АҲАҚ АУАЛ-ҦШЬА
Са исмҳәаргьы,
даҽаӡәы иҳәоит:
ахага абри иоуп ҳәа дыҳәҳәоит,
жәлары зегьы уцәырган удирбоит,
нас уназҿыхәоз аӡыхьгьы ҭабоит.
Димам ачарҳәаҩ ҭахгьы-ҭынхагьы,
иҩныҟа, мап, днаишьҭуам аӡәгьы,
дызбаз, ахаҳә игәыдҵан, ицалап,
алаҳәеиҧш, уи дҟыруа дынхалап.
Са иҟасымҵаргь,
ҽаӡәы иҟаиҵоит:
амҩан џьара уи ихызаҵә ухьӡоит,
нас дхьамҧшӡакәа уа имҩала дцоит.
Ауаагьы иухәҭан ҳәа ирҧхьаӡоит.
Идыр: ахысбжьы аӡәгьы иаҳаӡом,
мап, аҳәҳәабжьгьы уаҟа игаӡом...
Анцәа ибоит, гәнаҳак сымам сара –
шьҭа уаҳа иуқәшәаӡом аҧсра.
Уи – ухала иучаҧаз лахьынҵоуп!
Нас аҳақ ауал-ҧшьагьы нагӡоуп!
***
Дышҟәышым здырыз ауаҩы,
дгаӡаҵәҟьоуп узҳәом.
Аха сҟәышуп ҳәа иҳәҳәо, уи
дҟәышҵәҟьоуп узҳәом.
***
Ибжам-ҿамны иҟаҵоу –
иҟаҵам ҳәа иҧхьаӡа.
Зынӡа излагам аасҭа
еицәоуп, ихаҵа!
***
Зҿы рҟьоу – ихәгьы ифар ауп,
аха ҳаиуанҵас акәым – уаҩҵас!
Зҿы рҟьоу – иажәагьы иҳәар ауп.
аха иҭынхартә еиҧш баҟаҵас!
***
Ихахәы шлан –
дҟәышхаз џьишьеит:
ахшыҩ ҳирҵоит,
уи даҿӡоуп.
Ихахәы каҧсеит,
аха дҟәышымхеит.
Издырӡом:
еснагь дгаӡоуп.
АЏЬАЛ ЦӘГЬА
Шьҭа узыхьчода, нас,
Ҳаамҭазтәи Мидас?
Аа, дҿыхеит уҧсцәаҳа,
адаулгьы даст.
Аџьнышгьы дыҧшуам шьҭа –
иҟәараҕ ирххоит!
Аҵарҭыша ргаӡом урҭ,
мап, иузжьаӡом.
Унахан нарцәыҟа
умалгьы узгаӡом,
напхы-цәгьала иурҳаз –
аҩсҭаа ихәхоит!..
Шьҭа узыхьчода, нас,
ҳаамҭазтәи Мидас?
Аа, дҿыхеит уҧсцәаҳа,
адаулгьы даст.
САРГЬЫ ИСҲӘАӠОМ!
Ах, шәҩык ирфоит, аха
аӡәгьы ибаӡом.
Шәҩык ирҳәоит, аха
аӡәгьы иаҳаӡом.
Изҳәац – ирҳәац рҳәоит,
изфацгьы – ирфоит.
Иабыкәу?.. Ишҧа-ба?..
Саргьы исҳәаӡом!
АҼАДА
Иҽадаҵәҟьаз ҽадак
алымҳа дуқәа
ирзыҵҟьеит:
«Лымҳаду ҳәа зсарҳәо
шәара шәзами,
шәара шәзыҵәҟьа!»
Алымҳақәа рзоума, нас,
изҽадахаз
аҽада?
Мап, уҽадоуп азын
улымҳақәа ркит,
аҽада!
***
Згәаанагара аартны иуазҳәаз –
ицәшәатәым,
узықәгәыҕуа уҩызцәа рахь
уигь дыҧхьаӡа.
Згәаанагара зӡаз иоуп, идыр,
амықәшәатәы!
Дуҿаччо уашҭа дҭаларгьы –
наҟ дыҧхаҵа!
УАРА УШӘҞӘҚӘА
Ауаа ҕәҕәақәа ҳәа иалҧшааны,
ахәшә ҿыц еиҧш, ирзыршар,
аҳамҭақәа рыҭатәхоит нас –
иамгакәа ирзырсар!
АУАҨЫ ИХЫ ШИБО
Ауаа зегьы
рыграқәа иӡбоит,
игәаҧхо ҳәа, мап,
дыҟам аӡәгьы.
Ихаҭа –
дынцәоушәа ихы ибоит,
маҷк диеиҳазар ҟалап
Анцәагьы.
АЧАРА
Алаф

Аишәа са стәоуп,
абысҭа са стәоуп,
ачара зуеит –
еизадашь шаҟаҩы?
Кәыбрык амаха
сымҵаҵаны стәоуп,
мацәазк азна
сызҭартәеит аҩы.
Снаҧшы-ааҧшуеит:
асасцәа абаца?..
Ашә-гәашәқәа
ныҵашьых иаркны,
Сааины слатәеит
аишәа аханы –
дабаҟоу амаҳә,
дабаҟоу аҭаца?
Аҧхьа иныҳәатәу
дарбан, ишәҳәанда:
аҧшәмацәа, асасцәа?..
Ма са схазы?..
Аҭаца мыждагь
знык ма даабандаз!
Дабаҟоу, мшәан?..
– Дааиуеит лассы!
Ҳҭацагьы уажә
ҭацаагара дцеит –
лабажә уаха
ҧҳәыс дизааганы,
ачарагьы уны,
аҩнгьы еилырганы,
нас ари агәырҕьарагьы
дахьӡоит.
Исзеилкааӡом:
иҧхыӡу, илабҿабоу?
Сааргоу арахь,
сабиҵас, сыжьжьаны?
Ма адәы агәҭан
сдыртәама сжьаны?
Алаҳәақәа ҟыру,
ашәаҳәабжь гоу?..
Аишәа са стәоуп,
абысҭа са стәоуп,
ачара зуеит –
еизадашь шаҟаҩы?
Кәыбрык амаха
сымҵаҵаны стәоуп,
мацәазк азна
сызҭартәеит аҩы.
АҦҲӘЫС
Изӡар – бгәаашт, исҳәар – ибаҳаӡом,
исҵәахыз башьҭоуп, ибысҭаз ббаӡом.
Аҩада сҳәар – бара алада беихоит.
Аҩныҟа сҳәар – бара ӡыбна бҭаххоит...
Сҧишәарц сара бишеит бара Анцәа,
зегь здыруа, зегь зылшо бара-нҵәа!
***
Изгада, изӡада
сынасыҧ ҿаҳәа?..
Иҟәышда, игаӡада?
Дарбан аҿаҳа?
Изшәымда? Изшәыда?
Дарбан аҟьантаз?
Икьаҳәда? Илашәыда?
Иарбан бызсыгәҭас?
Иабаҟоу ашаха?
Иҿасҳәоит... сҽада!
Иббап, илашахуеит
сымш быда, ахаҭа.
Изгада, изӡада
схьаақәа кәаҳа?
Еилагада?
Игаӡада?..
Са сакәым, ибаҳа!
АЛАФ
Ухаҧыц каҧсаанӡа – ҧҳәыск дыҧшаа!
Ухаҧыц каҧсар – ҭыҧҳак узлыхаӡом.
Ухаҧыц каҧсаанӡа – уҧҳәыс дыбжьа!
Ухаҧыц каҧсар – ҧҳәыск узлыхәаӡом.
АҦҲӘЫСААГАРА
Амза ангыло
ҧҳәыс дысҳәоит,
амза аҭәымҭаз
ҧхәыс даазгоит,
наныкьара!
Ачара зуеит
еиҵҳәаны,
зегьы ишәасҳәоит
сыҳәҳәаны:
Амза ангылоз
ҧҳәыс дысҳәеит,
амза аҭәымҭаз
ҧҳәыс даазгеит,
наныкьара!
Сшәыҧхьоит-сшәыҧхьа
шәарҭ зегьы!
Исымоу сеигӡом,
мап, акгьы!
Қәацәк сызгылоуп,
хыб змаӡам;
цәарҭаҕәык гҿагылоуп,
шьапы зҵам;
еишәак ҳазгылан,
абжа ҧҽны;
ҟәардәкгьы гылан
мшаҧы аҽны:
арбаҕькгьы сымоуп,
ицыркьуп,
абгахәыҷы иахьчоит,
иҭакуп;
лыхәҭак ашылагь
џьа иҵәахуп,
ҳәынаҧк иахьчоит –
ианаҭаху;
чуанкгьы кнаҳан
аҵа ҧҽны;
лакгьы сыман
анкьа зны...
Иабашәҭаху
урҭ зегьы,
мшаҧы сымоуп,
нас, саргьы:
Шықәсқәак раҧхьа акьыҧхь рбеит
(сышәҟәы «Агәаартра» аҿы) УИ, идырым автор, сқәыҧшра ақәла
хазынахә, иажәеинраалақәа. Уажәгьы абраҟа ианысҵоит
сқьаадқәа рҿы ҿыц исыҧшааз УИ иажәеинраалақәак. – С. Ҭ.

СЫҦСҬАЗААРА
Сыҽкажь, мап,
сиҳәом сара
анцәа,
уеиҵых
урнызарц
ашыкәс рацәа.
Дыҟам
Анцәа ҳәа
дсымам аӡәгьы,
дагьысҭахым,
ида
исыхьуам акгьы,
ушәҭит
уи ида,
сыҧсҭазаара, иахьа,
ушәышқәсамзаргь –
сара усызхап.
Сыҟанаҵ ара –
кәҧаразароуп
сызҿу,
мап,
исырымҭеит сыжәлар
агәы иҧҽу,
сыжәлар срааӡеит,
сыбҕагьы
еиҵысхт,
мап, иалсымхит
анасыҧ иеиҵаз,
сыҟоуп абра –
сыжәлар
рыгәҭан,
урҭ рылымкаа
сара
акгьы сыхәҭам!
О, уи са соуп
изду иахьа
ауал –
насыҧ мҩа
санырҵеит сара
ауаа.
Исшәарц,
уал сыдымхаларц
ара,
сыҧсҭазаара,
усырҭеит уара.
Нас, ҳамҧшыкәа
аус
напы аҳаркып,
иҳамам
ари адгьыл
ҳамҭакы:
иахьа – аус,
уаха – аус,
еснагь – аус...
Ҳуалқәа
ҳазшәозар аабап
иара ус.
Аҳы, сыҧсҭазаара,
аус ахь
ҳаихап,
Иаҳзҧшуп
амагана,
акәаҭана,
аиха.
Ирчаҧоит иахьа
сыжәлар
анасыҧ ду,
ҳрывагылар ауп,
уи
ҳаргьы иаҳтәуп.
Мап, сыҽкажь
сиҳәом сара
анцәа,
уеиҵых
урниҵарц
ашықәс рацәа,
ҩымш ракәзаргьы –
сыҟоуп
урҭ рзын:
сыжәлар рзын,
стәылазын,
зегьы рзын...
Иахьагьы сыҧсааит
адәы сықәзар
схазын!
***
Ҧшамзар –
зынӡа
аҧҭақәа зныҟәаӡом.
Жәҩада
ҵыскгьы
зынхаӡом ҽнак.
Мрада
аҧсҭазаара
ыҟаӡам.
Уда, схала,
сыдгьыл,
шьаҿак
ҧхьаҟа
ахаангьы
исзыҟаҵом.
АПРИЛ
Агала иӡхыҵит абри,
ихьаҵуам ахаан аказы –
цәқәырҧаҵас ижәылеит април,
ҳашҭаҿ инканаршәт акасы.
Иблахкыгаха
ҳашҭа ҟаҵаны,
ҳарха дәыкрынла иқәҵаны,
адәҳәыҧшаҿ иныжьны даҽакы,
ахәы инықәлеит иццакы.
Убас, април,
ҳадгьыл еилаҳәа:
ашәа ҿыцк
ҳадгьыл иазҳәа,
ҵкы лашак
ҳадгьыл иашәҵа,
зегь бзиа еицырбартә
иҟаҵа!
***
Мап, аҧхӡы зкаҳҭәо – ҳамҧсып
ҳәа акәӡам, ҳамгәацәа шҭаҩоу,
аус аауам иҭазарц, мап, ҳаҧсы –
аус аауеит азами ҳаҧсы зҭоу.
СЫҦСАДГЬЫЛ АХЬ
Уҿаҧхьа сшьамхнышлан
ҭоуба шьҭаҵо,
уҿаҧхьа сшьамхнышлан
сажәа раӡо,
бзиа уара ушызбо ҳәа
агәра усыргом,
иашалаҵәҟьа иузгәыку
соуп ҳәа сыҳәҳәом.
Ажәақәа ирылшахуазеи,
ажәақәа сҭахым –
сгәы уара иусымҭеи,
иумаз иҵәахы?
Аха иҵәахтәым уи –
кәалӡҵас ишьҭых,
уускәа нҵәауам ма,
аусураҿ иных!
Ма жәыларак ҟалозар –
бџьарҵас ишьҭых,
о, мап, иҵәахтәым уи,
иахьуҭаху иных!
Уара иуцәысҵәахуа ҳәа
исымам акгьы.
Мап, уа уҿада, ҽаџьара
илашом сразҟгьы.
Уара уҿы сыҟанаҵы,
сымра лашалап.
Аха ҽа тәылак сыхошәа
џьоукгьы ҳәҳәалап.
Аха урҭ урзымӡырҩын,
урҭ шшьыцуа ишлап.
Уи ауп ирызшоугьы:
лаҵас ишлап.
Аха сара иабасҧырхагоу,
са сымҩа сануп.
Уара, сыдгьыл, субазар,
Снасыҧдан сҟалону!
Изалшом ус, изалшом,
издыруеит саргьы.
Уара уҿы сыҟанаҵы,
сацәшәом аҧсрагьы.
Исымоуп амҵәыжәҩақәа,
аҧырра саҿуп.
Сынасыҧқәа зегь ахьиуа
абра, уара уҿоуп.
Нас, сабацо уныжьны,
ма иҟоума ҽа мҩак!
Сыдгьыл, уа усыцымкәан,
исзыҟаҵом шьаҿак.
***
Аа, иахантәарак иууан аҧша,
имақаруан,
еизҳәҳәауа аҧҭа,
Аха асы збада иахьа анша?
Амра ҧхон.
Аҧҭагьы ыцәан икәаҧӡа.
Ара, стәылаҿ,
ҧхну џьушьап аӡын.
ааҧыни аӡыни ирыбжьам аҵәаҕәа,
аҵааи афырҭыни наҟ инаҧхьацан,
рҭыҧ ааннакылоит амра ашәахәа.
Нас, абри азами
изухьӡу Мратәыла,
Сыҧсынтәыла!
Шәааи, ишәсырбоит уи зегьгьы.
Амра шаҧшаҧуа
амҩан ишәҧылап,
амра ахаҭами
аҧсуа игәгьы.
Уи дарҧхоит аешьа, аҩыза,
аҵаақәа башоуп иара азы.
Аха, о, ақәыџьма иаҩызоу,
даблуеит, дарӡуеит иласы.
Аҧсуа имра
ҧҭа рацәа абахьеит.
Аӡынгьы абахьеит.
Иазхоуп шьҭа!
Амрагьы гылеит.
Алаҕырӡгьы бахьеит.
Иҕәҕәоуп иахьа
аҧсуа иҩнаҭа.
Ҧхьаҟа дцоит уи
шьаҿа дула.
Имҩа лашоуп хараӡа.
Иауааит асгьы.
Аҧсуа гәадула
икәаҳап.
Уи уамаӡам.
АШАМҬАЗ
Аҵлақәа ацәа хаа иалоуп,
макьана изшазгьы рбаӡом.
Аҧшагьы агара ианиалоуп,
џьаргьы макьана иццакӡом
Иахантәарак
адунеи иакәшон,
имтәеит иара усгьы џьарак.
Абар, уажә изымгыло иаақәхеит,
иаршоит ҧхыӡла цәгьарак...
Ах, еиҭа
гәҭынчрак са исхалахт,
исымбеит сымрагь анлаша.
Аҵлақәеи сареи
ацәа ҳалахт.
Уҿых!
Уҿых еиҭа, аҧша!
Ҳагәҭынчрақәа
наҟ иҳахҟьа!
Ҳгәалақәа зегь
наҟ иҧсаҟьа!
Ҧхьан еиҧш,
ҳанасыҧ, улаша
Уҿых!
Уҿых еиҭа аҧша!
КӘЫДРЫ
Аҳы! Уҩ, уццакы,
уаанҿамсын зынӡа!
Имақарзаргь ҧшакы,
умшәан,
иухәҭаӡам!
Аӡаҩантә даҕьык
иузаршәзаргь ашәы,
умцәҳан,
умаҕьын,
уҟамлан уеиқәшәы.
Уаныз умҩаду,
умшәакәа уеиха!
Адаҕь шдаҕьу, мшәан,
иара усгьы инхап.
Идыруп иазшоугьы:
аӡаҩоуп
алахьынҵа.
Аанда ахьылаҟәыз –
иҟам ҳәа иҧхьаӡа.
Умиит, мап, иаха,
усабиам, Кәыдры,
иузымшеи иахьа,
умш ҵакызаргь акры.
Нас, уҟаз ҧсуаҵас,
нас, уакәыз Кәыдры,
узцәымҕу рцас
укамҳан,
умбрын.
Имшынызтәыз амшын
шәа шәоуп,
Кәыдраа!
Иахьа, мап, ухьҧшым,
уҵакым
убла ҭраа.
Нас,
уацәымшәан амшын,
уахьшәаз ауп
уахьынҵәаз.
...Цәқәырҧак ааилашын,
иааит сахьтәаз.
Издыруеит – издыр,
узнысхьоу зегьы:
зны иуқәын кәадырк,
иуқәтәан зықьҩы...
Умқәын, иаҭахым,
изгоит сара угәра.
Уи аамҭа ҳҭахым,
уи амаз аҧсра,
Нас убылгьа,
уццакы,
уаанҿамсын зынӡа!
Имақаруаз ҧшакы,
умшәан,
иухәҭаӡам;
ҦСУАҴАС
Икналҳаит иааганы саҧхьа
чуан хәыҷык сан.
– Иарбану амца зҵабҟьо,
икнабҳаз арбану, сан?
Изакәызеи? Асуҧ бҳәама?
Сгәы ҧнаҵәахьеит асуҧ,
Аҟәа инҵәеит ҳәа баҳама,
ирнуп аулицақәа асуҧ!
Ачаигьы сҭахым.
Инҵәама,
исзааг уа бысҭа ҿахрак,
ихьшәашәазаргь,
иахьа избама,
схаҧыцқәа
ирҕәыхп даҽа храк.
Аҟәџьалгьы
ахәышҭаара иҽҳәыга,
шьҭа ижәхьазар акәхап аҟәыд,
хшыкгьы ҭамкәа иҟам аныга...
Асуҧ цәгьаӡам, аха
баҟәыҵ!
Џьыкаҵәаҵәак
нахьыбшьыр сбысҭа,
исзаабгар хәылкгьы ҟаҧшьӡа,
аҩгьы ҵәыцақәак...
Гәыбҕан бысҭом,
нас схәы ҟәнысшьом зынӡа.
Ах, аҟәыди абысҭеи рами
сгылыҩрӡа
саргьы сзааӡаз,
абри аџьыка ахаҭами
аҧсуа имоу хәшаҵас.
Аха уеизгьы
иқәра намӡакәа,
шамахамзар, аҧсуа дшьаҽӡом,
шәышықәса, «оҳ» мҳәаӡакәа,
дыргәылсуеит,
аҧсрагьы зихьӡом.
Инысҵырц сҭахуп ҳәа акәым
шәышықәса, ас зысҳәо сара –
саҧсуоуп саргьы –
абри акоуп! –
иргыл ҳаишәа-гьежь абра!
Исҭахуп саргьы, саҧсуами,
снапы иабозарц сҿаҵа.
Ишҧа, нас, саргьы сбуами,
сан, ҧсуаҵас акрысҿаҵа!
***
Саҧхьа мшынҵас ицәқәырҧеит амхы.
Сымшын салоуп, сымшын ахь смааи.
Саҵаҧшуеит ираҳан схы:
сыҧхӡы абас иазҳаит
Абар,
аӡаӡа-бырлыш ахьынҳәҳәы,
аҧш иаунажьит ахцәы.
Бааи,
быцлаб ҧшӡарала аӡәы!
Быҧхашьап, аҳаҳаи!
***
Зегьы иҳамоуп ҿҳәарак,
ҳҳәаны ҳтәами зегьы –
ҳгәы иҭаӡамкәа, ҳашнеиуа,
ҽнак ҳаӡуеит ҳаргьы.
Иҟам нас уахьынтә хынҳәра,
иааҩӡом уахьынтә ҳабжьқәа,
иаҳзыриашом ҳамхәыцкәа ара
иҟаҳҵаз агхақәа.
Аҧсҭазаара уалахәуп, сҩыза,
иҳәа, нас, шаҟаҩы ргәы урҧхаз?
Ухазы мацара ари адгьыл уанызар,
иҟауҵеит идуӡӡоу агха!
Уҟанаҵ
шаҟаҩ ргәы урҧхаз
аҟара – шәышықәса уҧсы ҭоуп.
Жәлар рҿы жәла бзиа зызкаҧсаз
наӡаӡа аҧсҭазаара изшоуп.
ҬАГАЛАНТӘИ АХӘЫЦРАҚӘА
Агәгьы ҧҵәом!
Ҭацара ауеит есуаха амза –
ҧҭақәак азаауеит ес-хәылҧазы.
О, ишҧасҭахыз!.. Иҟасымҵоз ихарамзар! –
Амза иахысҳәон аҭаца-касы!
Снапы ахыкәыршо
игәыдскылон зегь рзыҳәан,
нас исырцәажәон иаразнак
зегь рҿы:
анхәа, абхәа...
Нас – ҧсуаҵас иныҳәан
амҳарахьы иназгон, иаартны ахаҿы.
Агәгьы ҧҵәом!
Ҭацара ауеит есуаха амза,
еснагь ҧҭа-касыла ахаҿы ӡаны.
О, ишҧасҭахыз!..
Иҟасымҵоз – ихарамзар...
Аха урҭ зегь ҟаҵатәыми
адгьыл аҿы зны!
ИЗХАРАДА?
Изхарада,
изхарада,
изхарада,
аӡын амҩа изнымкылазар аӡәгьы,
иҧсҭаҵагоу амра акаҧхарада,
аҵаа иагазар сышәҭқәа зегьы?!
Изхарада,
изхарада,
изхарада,
ус ишазар, ус иҟазар алахьынҵа:
иеилаҵәаз ҩыцьа ргәы аҧхарада,
изымшәҭуазар абзиабара зынӡа?!
Изхарада,
изхарада,
изхарада? –
исымоуп азҵаарақәа шәкы, зқьы!
Изхарада, изхарада, изхарада?..
– Бара, сара, ҳара зегьы!..
***
Сылахь иану ҳәа
ак аӡбахә уҳәалоит,
аразҟы хәа ак ыҟоушәа
агәра сургалоит.
Аџьал ҳәа Анцәа
иузишазшәа иуҿоуп:
«Ҳара зегь ҳахьыҟоу
анцәа инапаҿоуп!»
Иарбан ҳразҟы,
ҳалахь иану?
Аа, сылахь иануп
ихәхәаӡа ҩ-цәаҳәак.
Анцәагьы дсыцәҳаит,
аха исиҭом аҭак.
Ак здыруеит сара,
нас, уи акәзар узҿу:
ауаҩы иразҟы ахьыҟоу
ижәлар рҿоуп.
Ужәлар гәырҕьозар,
ужәлар шәаҳәозар,
ужәлар есымша
аиааирақәа ргозар,
рынасыҧ рчаҧоит ауп,
рлахьынҵагьы ҧшӡоуп,
ужәлар урылазар, нас
акгьы уацәшәаӡом:
улахь иануҵоит
иуҭаху аразҟы.
Урҭ роуп изку
аҧсҭазаара аҧсҟы.
***
Еснагь сызмоу ҭаха сымҭакәа,
еснагь сыгәра зымго бара боуп.
Аха сқыҭа, сышьха, сыҧҭақәа
ыҟоуп –
сеилызкааз, са сызбо.
Еснагь сызмоу ҭаха сымҭакәа,
еснагь мап сцәызкуа бара боуп.
Аха сқыҭа, сышьха, сыҧҭақәа –
ахаан мап сазымҳәац урҭ роуп.
Еснагь сызмоу ҭаха сымҭакәа,
сзыргәашо, исхьаау бара боуп.
Аха сқыҭа, сышьха, сыҧҭақәа
роуп еснагь
сгәы рхаҵо са сызмоу.
Урҭ роуп.
Сеиламгоз сара
урҭ ансмоу!
***
Рыгәра бымгозар сажәа,
балаг нас – ираӡа!
Быда, ахала сашәа,
мап, сазгом хараӡа.
Быда исымам нхамҩа,
быда иблышт сымгьал.
Ах, амҩа, амҩа, амҩа! –
баб иашҭа сынҭалт.
Ибҭахызар, аҩнуҵҟа
аҩны ашәқәа аркы!
Ма бдәылҵ уажәыҵәҟьа,
ҳцап, бнапы сыркы!
Ишыбҭаху – мап ма ааи,
мчыла агәы узҵакӡом.
Ишыбтаху,
сқәыларц смааит,
аха уаҳагь
мҩа збаӡом.
АШЬХАҚӘА
Сара сеиҧш зегь шәхьаазар,
мап, инышәҵуамызт асҟак.
Сҧагьазар шәа шәеиҧш,
сажәхьазаарын
иҟасҵаанӡагьы шьаҿак.
СЫБЗИАБАРА ҦЫБШӘЕИТ...
Бара зегь былоуп:
сыхьчара, сҭахара,
аха бгәы иамҳәеит
акгьы – санбысас.
Санылт амҩа схала,
сцеит, абар, хара,
аха быбла роуп исымоу,
исыцу ҩызас.
Урҭ ҟамлар – сабацоз.
Урҭ роуп. Аха ара
схынҳәны санылеит
амҩа – сызнысыз.
Сгәы исанаҳәеит,
иснаргеит агәра:
сыбзиабара ҧыбшәеит –
«ааиуп» шьҭа санбысас!
***
Еиҭах амҩан уа сыҧшлап –
шьыжьы инаркны
аахәлаанӡа.
Аҵхқәагь уаҟа исыршалап,
бара бааира сазыҧшлап –
ишаны иаахәлаанӡа.
Еиҭах амҩан уа сыҧшлап –
шьыжьы инаркны
аахәлаанӡа.
Нас ба бааиаанӡа сышлап,
иҟьалаз сынасыҧ сазыҧшлап,
сымшқәа зегь аанҵәаанӡа.
БЫШҞА СЫЦЦАКУАН...
Сыццакуан.
Бышҟа сыццакуан сара.
Гәырҕьарак схы-сҿы иқәын. Са сыччон.
Быбла реиҧш,
амза хыхьынтә исҿаҷҷон.
О, усҟан еиҧш,
сыццакуамызт џьара!
Са схынҳәуан нас бара бҿынтә.
Ҵхыбжьон.
Сгәыҕра сцәыӡны.
Амзагь ыӡт.
Илашьцоуп.
О, уаҵә хәылҧазынӡа
быблақәа збаӡом!
Уаҵәынӡа шықәсык бжьоушәа
сгәы иабон.
Иахьа дсыздырӡом
бышҟа инеиуа хәылҧазы,
ма зыҩнаҭа бкаҷҷо –
мзаҵас, мраҵас...
Ушҧаҳазныҟәоишь, аамҭа,
ҳара цас!
Уҳалахәмарит –
дабаҟоу уи,
исхаз бласы?!
***
Ааи, ирҳәеит, ирҳәеит,
амш еилгахуеит, рҳәеит...
Аха аҧҭа зынӡа ажәҩан ршәаҳаит,
иахак аҧшагьы шыҵәаауаз шәаҳаит,
аха ирҳәеит, ирҳәеит,
амш еилгахуеит, рҳәеит.
Иҩӡоит иахьак аҧҭақәа еивасны,
еиҭа аҧшагьы ҵәаауеит иҳазцасны,
аха ирҳәеит, ирҳәеит,
амш еилгахуеит, рҳәеит.
Ақәагьы, абар, илеиуеит икыдҵәаны,
ахьҭагьы сылсит, сцәа-сжьы кылҵәаны,
аха ирҳәеит, ирҳәеит,
амш еилгахуеит, рҳәеит.
Ҳааҧшып! Ишҧеилымгари ҳаргьы ҳажәҩан,
ишҧаҳзеиҵымхри нас ҳаргьы ҳажәҩақәа,
асҟак ҳачҳазар,
асҟак ҳазҳазар!
***
Ҿуҭуам,
Ҿуҭуам,
Ҿуҭуам,
ажәакгьы уҳәаӡом,
аха ҭаха сырҭом
ублақәа зынӡа!
Ҿуҭуам,
Ҿуҭуам,
уамаӡамзар,
изулымшазеи аҳәара?
Ма ҳәатәык умаӡамзар,
убла зсыжәуҵеи сара?!
***
Аҵх цоит икаууа. Аҵх ҿаҳауп.
Аҵх ҩызас исымоуп сара.
Абар, бышәаҿ сгылоуп, ибаҳау,
есуаха сыҟоуп абра.
Исҭахуп исыхьчаларц быцәа.
Сара бысцәымшәан, аҭыҧҳа,
ибылшозар – сара сеиқәыцәом,
ашә иабмырклан ацаҧха.
Сыҩналом
уа ҭыҧк сызҵәахызарц,
ма бсыргәашарц,
савҵхо снапхыц –
ибықәыҩрны идәықәлар ахыза,
саахап,
исыршәҭып быҧхыӡ.
Иҳахьчалап
аҵхи сареи бынасыҧ,
иӡаны изгарым уи аӡәгьы!
Ашамҭаз са сцап,
аҵхгьы ниасып,
нас амра бхылаҧшлап баргьы.
Аҵх цоит икаууа.
Аҵх ҿаҳауп.
Аҵх ҩызас исымоуп сара.
Абар, бышәаҿ сгылоуп...
Ибаҳау: сгәы ҩнакуп
буадаҿ убра!
***
Ишҧабасҳәари?
Исыздыруам,
цқьа исзымкит сажәагьы ахы.
Бзиа бызбоит, аха суазыруа
бкалҭ сахьынҳаларгьы сҭахым.
Ба быда сыҧсҭазаараҿ сылахарц,
иаҳҳәап, амҩан аҳәынҵәа сзыҧшуп,
аха, мап, икасҭәом сылаҕырӡ,
сбыхьчарц,
иббарцгьы сзеиҧшу.
Иҟасҵара бҳәанда?
Исыздыруам,
цқьа исзымкит сажәагьы ахы.
Бзиа бызбоит, аха суазыруа
сылаҕырӡ сзылаҭәом бшьамхы.
Ма сбықәларцу жәа ҟәандала,
бысшьаҳарц,
иҭысҟьарцгьы бхы?!
Ма скылҧш-кылӡырҩуа, аандала
бгәы сашьҭаларцу?
Мап, исҭахым!
Бзиа бызбоит –
са сзын быҟамзаргь,
бзиа бызбоит –
аӡәгьы быда дысҭахым.
Аха баргьы са сзын ас быҟамзар,
бымҩа сзангылом,
мап, бысҭахым.
***
Аҳәыҳәқәа реиҧш,
ажәҩан иалоуп
асалам шәҟәқәа,
Аҷнышқәа реиҧш,
амшын иахоуп
асалам шәҟәқәа.
Акәарақәа ацҳа
шрыбжьдоу еиҧш,
ауаа ирыбжьдоуп
асалам шәҟәқәа:
«Бышҧаҟоу – ушҧаҟоу»,
«Бзиа бызбоит –
бзиа узбоит»,
«Уааиуама – снеиуама»...
Асалам шәҟәқәа
цоит, иаауеит.
Асалам шәҟәқәа,
ацҳақәа реиҧш,
еиҧыргалоит ауаа.
«Бзиа узбоит, уласы!»
«Бзиа бызбоит, быҧшыз!»
Асалам шәҟәқәа,
асалам шәҟәқәа
уахгьы-ҽынгьы итәом,
амҩақәа ирнуп.
Зегьы
асалам шәҟәқәа
рыҩра иаҿуп.
Бара аҩышьа бхашҭма зынӡа?
***
Бзиа бызбеит, аха бзиа бызбаӡом.
Сбышьҭоуп еснагь, аха ба бызбаӡом.
Ҧҳәысс бызгар сҭахуп, аха бызгаӡом:
Бзиа бызбоит, аха бзиа сыббаӡом.
***
Бызжьеит! – Ус ауп бара ишыбҳәаз,
сужьеит ҳәа бгәааит сара сзын.
Мап, сгәы знык иааилашын ҳәа,
«бысгәаҧхеит» сымҳәеит хәылҧазык.
Са сцәанырра акырынтә иҧышәан,
сгәы сшамжьоз збеит схаҭагьы.
Ашьҭахь ҵхыкаҿы ҳҩыџьегь ҳаинышәан,
сгәы иҭақәаз басҳәеит зегьы.
Сыгәра бгеит. Ус ауп ишыбҳәаз.
Быгәгьы аабыртит сара сҿы.
Иҟало аабап, макьана ҳааҧшып ҳәа
аҵхаҿ уа исҿаччон бхаҿы.
Сымҩа харан, аха сгәы касмыжьит,
уи бара боуп – бычҳара маҷхт.
Мап, ибымҳәан, сара бынсмыжьит,
аха сымҩа сцәыхарахт маҷк.
Сара сзымласит. Бара бгәаан,
ҳаҵх заҵә иахьыбшьит аҵәаҕәа.
Мап, бара бзыҳәан уи хьаам,
ба бынхарым беиҵаҕәҕәа.
Ибхашҭып зегьы. Зегьгьы мҩасып.
Бынасыҧгьы ббашт иразӡа.
Са сымҩа саныз. Саанҿасыр –
сынасыҧ ыӡӡап зынӡа.
Бызжьеит! – Ус ауп бара ишыбҳәаз,
сужьеит ҳәа бгәааит сара сзы.
Ибдыруама, бара быда насыҧ ҳәа
акгьы схала ишысмоуа хазы!
***
Быблақәа, аҵх еиҧш, еиқәаҵәоуп,
узықәдыршәаша издырӡом аӡәгьы,
зны-зынла срыцәшәоит схаҭагьы,
быблақәа, аҵх еиҧш, еиқәаҵәоуп.
Бқьышәқәа, ацхеиҧш, ихаауп,
ицәгьоуп урҭ ныжьны ацара,
срыдҧсылар, амҵ еиҧш сара?!
Бқьышәқәа, ацхеиҧш, ихаауп.
Усгьы ҽнак зны смыӡыр ҟамлозар,
уи аҵх еиқәаҿы сыӡааит сара,
уи ацха исзаанагааит аҧсра,
усгьы ҽнак зны сымҧсыр ҟамлозар!
СЫҞОУП БНАПАҾЫ...
Бажәақәа рзакәын,
иахьанӡа сыҧшын,
исҳәап нас имӡакәан:
ба бакәын сымшын,
сызлахаз схала,
ҩызада – саӡәны.
Ахәыцрақәа исхалаз
срыман сытҟәаны.
Исыхон урҭ аҵахь,
уа сымхәаҽуаз!
Исхагылан аҵых,
исзаҳәон ауаз.
Илашьцахьан сыбла,
џьаҳаным сзыҧшын...
Аха бнапы сыбҭан,
салбхит уи амшын.
Аха саҳәом ҷыдак,
уал сзылам ба бҿы –
ишыбҭаху, сымчыдан
сыҟоуп бнапаҿы!..
БЫБЛАҚӘА
Иааччеит – имлашеи,
аҵх ҧхьаҵуеит, илашьцаз;
иааччеит – умкәашеи,
угәыҕра хынҳәит, иуцәцаз;
иааччеит – иумҳәеи:
арҭ сдыргәашомзт сара цас...
Аха...
О, абри «аха» ҟамлар,
уара уакәымзи инцәаз!
***
Ах, изҳәада: бара зегь былоуп,
адунеи зегь шыҟоу ба былоуп?..
Мап, сара сҿы бара зегь былазаргьы,
сҿаҧхьа баагәарак быргылазаргьы,
сынасыҧ бара ихбырбгалазаргьы,
избоит, избоит сара: зегь былаӡам,
ҵхла бхаҭа былаҕырӡ бзынкылаӡом,
ааи, макьана быхчы зегь алаӡоит,
баргьы насыҧк аҵх лашә ибцәалаӡуеит,
мап, ба бшынцәам саргьы уи ала избоит.
***
Абҕьы ҩежьхеит. Абар,
ишьҭалоит асаара.
Сыхҭабымкын зҵаарала,
исхарам сара.
Бысгәаҧхома? Бзиа бызбома?
Ма бысҭахым?
Сгәаҿы аҭыҧ бара
даараӡа ибҭахын.
Ибдыруазар акәхап,
ибдыруеит зегьы,
са сеиҳа, хымҧада,
ибдыруеит баргьы...
Аҧсабарагьы еилагеит,
бнаҧшишь адәахьы:
иампыҵҟьеит ҳра дугьы
аҵыхәтәантәи абҕьы.
мап, аҵыхәтәантәигьы сакәым,
сагьҧхьатәиим сара.
Саргьы ибдыруаз сакәым,
о, баргьы – бара!
Ушәаҳәа, аҧша! Ма уҵәуа, аҧша!
Уҳәҳәа!
Ирацәаз аҭыҧҳацәа – аӡәгьы
сара дсызҳәам!
***
Аҵаақәа ртәылаҿ
сынхауашәа,
быжьқәак еснагь
«ҳцап-ҳцап» ауп
исарҳәо.
Ишәоит: аҧшӡа,
убысҟак быхьшәашәоуп,
сҵаа-хаҳәны уа
ба бганаҿ,
сынхар ҳәа,
ашәакгьы сзымҳәо,
ажәакгьы сзымҳәаӡо,
бымра ангыло нас
(быҩны сзыҩналаӡом!),
ишәоит: сӡыҭны,
уаҳа ара снымхаӡо,
бҳәақәа зҭабылгьо
аӡаҩа слалаӡыр?!
МАРТ
Шьыжьы амра ҧхон ҧхынраҵас.
Амш еилагеит иааиаанӡа шьыбжьон –
ажәҩан ҭарҳәҳәеит аҧҭақәа илашьцаз.
Март цәҳауан. Гәаҕк еиҟәнажәон.
Абар, алашьцара леиуеит еихьыссы,
иалагеит акы, иарбан: ақәа, асы? –
иуздырӡом. Аҩбагьы еилоуп еилаҧсы.
Иҟалозар, абас бҟамлан сара сзы!
ШӘГЫЛ ЗЕГЬЫ!
Ҳадгьыл ҳаҧxьеит, ҳажәҩан ҳаҧxьеит:
«Аҧсны аҵеицәа, шәгыл зегьы!»
Иахьа инҳажьыз – уаҵәы иҳагxоит,
аган шәавамxааит аӡәгьы!
Иахьоуп данубо иxаҵаз,
иахьоуп ианыӡбаxо зегьы –
иахьа зҽызӡаз, иахьа иxьаҵыз,
дыҧсит уи, дыҟам зынӡагьы.
Аҧсны аҵеицәа, Аҧсны аҵеицәа,
Аҧсны зықәгәыҕуа шәаpа шәоуп!
Шәаамҭа ааит, шәгыл, аҕьeҩцәа!
Шәаамҭа ааит, yи – уажәоуп!
Шәнеибаҵ, шәнеибаҵ, шәнеибаҵ
Аҧсны бзиa избо зегьы,
ахақәиҭpа мpа кацеиларц
Аҧсынтәылан есқьынгьы!
Мап, ахьаҵpа залшом уаҳа –
шәышьҭаxь иҟоуп шәaб ишәхымс!
Ибоит Анцәа, ишәыдлом гәнаҳaк –
шәхыс! Икылкаан шәхыс!
О, ҳаиҕацәазаp – ҳаиҕацәоуп,
нас, ҳаилгап иахьа нахыс.
Иазнырҵаз ахәрақәа рацәоуп –
урҭ рзынгьы шәхыс!
Шәхыс – Аҧсынтәыла ахьӡала
иҭаxаз зегьы ршьа ауразы!
Шәхыс – ахақәиҭpа ахьӡала,
шәхәыҷқәа уаҵәтәи рҧеиҧш азы!
Шәнеибаҵ, шәнеибаҵ, Аҧсны аҵеицәа,
Аҧсны зықәгәыҕуа шәаpа шәоуп!
Шәаамҭа ааит, шәгыл, аҕьеҩцәа!
Шәаамҭа ааит, yи – уажәоуп!
Ииун, 1993
Дәрыҧшь–Пицунда

О, СЫҦСЫНТӘЫЛА!..
Даҽа зныкгьы уҧыршәарц иаҿуп,
уршәаны, уҭарҵарц ауп рхәура...
О, Сыҧсынтәыла, ақәҧара уаҿуп,
мап, атәра уанышәом уара.
Даҽа зныкгьы уҧыршәарц иаҿуп,
уҧсуазар гәарҭоит уаҕацәа...
О, Сыҧсынтәыла, ақәҧара уаҿуп,
ибоит акгьы шухарам Анцәа.
Даҽа зныкгьы уршьырц рҭаххеит,
иузырухьоу азымхошәа рбоит...
О, Сыҧсынтәыла, уҭаҷкәым урххеит,
издыруеит, аиааирагьы угоит.
Издыруеит, издыруеит зегьы:
аибашьра уҭахымызт зынӡагьы,
аха алаапк умшьыр ҟалаӡом,
иумшьыр – ухаҭа узынхаӡом.
Уи азы гәнаҳак идлом аӡәгьы:
илахаз – дыҧсыр ауп лаҵас!
Уара умра гылоит уаҵәгьы,
умшгьы лашоит, зегьы-зегьы рцас.
Шәынтә уҧыршәахьан!
Зқьынтә уҧыршәахьан!
О, Сыҧсынтәыла, иалагт еиҭагьы.
Шәынтә угәы ҧыржәахьан, иҧыржәахьан –
урзымшьт зынгьы,
урызшьуам иахьагьы!
Издыруеит, издыруеит зегьы:
аибашьра уҭахымызт зынӡагьы,
аха алааҧк умшьыр ҟалаӡом,
иумшьыр – ухаҭа узынхаӡом.
Маи, 1993
Дәрыҧшь–Пицунда

ИҞАН, ИҞОУП, ЕСНАГЬ ИҞАЗААУЕИТ
Адгьыл ҵәуеит, ажәҩан ҵәуеит,
ҳ-Аҧсны иахатәеит ашәшьы.
Ақәыџьмақәа ууеит, иууеит,
иаҳфар ауп, рҳәеит, шәжьы.
Анахь иҵҟьоит, арахь иҵҟьоит,
алыцәҳа реиҧш иалалт Аҧсны.
Џьа ихысуеит, амцагь хәыҵҟьоит,
абылра иаҿуп ҳаҩны.
Ҳаи, алахшақәа, шәара шәоума,
ҳаршәаны ҳҭазцало атәра?!.
Шәабаҟаз, шәанҿыхаз уажәоума,
аҳратәра ҭаҧсхьеит адамра!
Ҳаи, алахшақәа, шәара шәоума,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 08
  • Büleklär
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2163
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3250
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2014
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3353
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2079
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3330
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2059
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3194
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2094
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3210
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1862
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3261
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1956
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3294
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2021
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3201
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2051
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2030
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3262
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2022
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2066
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3374
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 1135
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 909
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.