LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 05
Süzlärneñ gomumi sanı 3194
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2094
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Амҩа санылан кыргьы снаӡеит.
Ажәҩан-ҵеиџь
сҭаҧшырц ауп сызҿу,
аха сыхбыкьны
сҭахар ҳәа сшәоит.
Лаҕырӡык уа аҧҭагьы инаҿашәоит,
уи шәахсҭаны
инанылоит сгәаҿы.
Ажәҩан азакәанқәа еилсыргарц,
Ажәҩангьы Сиаша Ду асырбарц,
амҩа санылеит,
акыргьы снаӡеит.
Аҵх лашә амазгәыҭ сахьынҳалт.
Ажәҩангәыгьы схыкәшаны сҭалт.
Аха уаҟагьы
анцәа дзымбаӡеит!
Илкыдшәан еҵәак,
Адгьыл иазцеит.
Иблаҟьо,
шьҭа ажәҩан иалазаап еҵәак.
Издыруада: сабазар ма сакәзар
иаҭынхо уи аеҵәагьы ҽнак?!.
Аха еҵәамзар уи –
сара сакәзар?!.
АГӘҼАНҴАРА
Сашьа ҳәа уаазгазар аҩны,
аишәаҿы усыртәазар аханы,
иуфазар,
иужәызар узхара,
нас уақәымшәазар
Ацашьа уара –
утәаз?
Идыр, аҧшәма дразуп.
Аха иухамшҭын уаргьы:
усасуп!
иуаҭәам ажәа умҳәан,
иуаҭәам аус ҟаумҵан,
иахьакәым иумырххан унапы,
иқәумҵан ҳаишәагь ушьапы,
Усасызар –
Уҟаз сасҵас.
Сара избап
са исуалу,
са сҵас.
Сашьа ҳәа уаазгазар аҩны,
аишәаҿы усыртәазар аханы,
иуфазар,
иужәызар узхара,
нас уақәымшәазар
ацашьа уара,
удәылсымцазар лаҵас уҧхаҵа,
схы аҳаҭыр збеит ауп,
ихаҵа?
Сацәымшәаӡеит
мап, сара акгьы,
суцәымшәаӡеит,
судыруаз уаргьы.
Иумбои,
сханы икнаҳауп ҟамчык,
аха иҟоуп
схәышҭаара зыхьчо
мчык.
Уи ус, унагәҭасны, узцом.
Уҽазукыргьы –
сара изуӡом.
***
Ҳра дугьы шьҭа абҕьы канаҧсеит.
Ҳамшқәа кьаҿхан, иҵааит еиҳагьы.
Бышҟа амҩа сшаныз – сааҧсеит,
наскьароуп ба бызҿу иахьагьы.
Исзеилкаауам, мап, бҧыруама?
Ма иарбан мчу ибыҵас бызго?
Ма амҩаҿ уа џьара сыкҿахама?
Сымҩахҟьама, сахьцо ҳәа зымбо?..
Исхыкны ҧҭа хәашьқәак еизеит.
Имацәысит, адыдгьы хыст, абар.
Ҳра дугьы шьҭа абҕьы канаҧсеит,
иҟаӡам сқәыҧшрагьы ахабарк.
Уи акәхап, нас, рҟамақәа ҭыхны,
аӡын хьҭақәа сыжәлеит еиҭагьы.
Ҳра дугьы гылоуп шьҭа еилыхны,
аӡын урҭ бысцәалаӡит баргьы…
***
Ашьхантә иасуеит аҧша.
Имақарит: «иҟасҵо жәбап?»
Асы лбаанагозар ҟалап,
ашьхантә иасуеит аҧша.
Аӡын аҽеибыҭара иаҿуп.
Аҵлақәа шгәыҕуаз иааҧсеит,
абыҕьқәа ҩежьхан,
икаҧсеит.
Иарцәгьеит аӡын ахаҿы.
Апҟақәа дәықәлеит еиҭа,
аӡын урҭгьы ҧханаҵеит.
Сара аӡын-бызшәа сҵеит,
шьҭа сызшьуада,
ҳаҕеиҭа?!.
Ахәы ҟасҵап аӡын сымтәа,
агәы нсырхом, мап, зынӡагьы.
Мышьҭа бзиала!
Аӡынгьы саргьы
ҳаинышәарц ауп сынтәа.
Ашьхантә ишьқьыруан аҧша.
Иҽхәеит нас: «Иҟасҵо убап?»
Сҭыҧҳак дысзаҳәазар ҟалап,
чарашәак
цәырнагеит ианша.
УАХЫНЛАТӘИ АГӘҬЫХАҚӘА
Зынӡа хьаак амаӡам уҳәап адунеи,
икашшыроушәа зынӡа, аҵхгьы ҽырбоит.
Аха сгәы ҭынчым сара,
сгәы иснарбоит:
ажәҩан аҵкараҿ
еҵәак кыдшәан илеит.
Издыруада, уи амца ахаҧахьазаргьы,
ибылуазар уа дунеи лашак иахьа?
Ма, издыруада, зынӡа ибылхьазаргьы,
изышьақәымгылаӡо ҩаҧхьа?!.
Ажәҩан-дырган
ианҧсалоуп еҵәа гәарҭак,
аӡә аҳаҳаиҳәа ирыҵеиҵоит урҭ амца.
Зараҟьаҵас ибылуеит, аха иаҳбарҭам,
дунеик ҭахозар, нас,
уи Аџьал Ду амҵан?..
Издыруада, аҵхгьы сацәажәом сара!
Ажәҩан абызшәагьы сымҵацт иахьазы.
Аӡыркәиқәа реиҧш,
аеҵәақәа лацәҟәуеит.
Асар рымҩагьы есааира илаҟәуеит,
ма, ӡиасҵас иҳаҩсны,
ицоит уи хазы.
Ажәҩангьы ахатә закәанқәа аҧнаҵеит.
Асар рымҩагьы асарақәа анӡам,
ишәарҭам узҳәом уи амҩагьы зынӡа.
Ах, сара
ҧсабаратә закәанқәакгьы сымҵеит,
агаӡа, аҵх аблақәа схырхит сара,
аҧшӡара азакәанқәа рыла сынхоит.
Аха, иҟалап,
мышкы зны иаҭаххоит
даҽа закәанқәак рыла анхара.
Ианба?..
Ах, урҭ амшқәа сыбла ирҭаӡом.
Сара саџьалгьы аеҵәақәа ирӡоит.
Исзыҧшуазеи наҟ-наҟ:
ашәҭра?..
абылра?..
Ҳдунеигьы ҧшуеит,
Иҟамлаӡацшәа зынӡа ҧсрак.
Аҵхгьы,
зынӡа иҭынчушәа,
аҽснарбоит,
ҧсуа ҭыҧҳаҵас,
Уахак иҽырбоит,
аха цәалашәарак
сарҭынчуам сара.
Нахьхьи,
ҳалаҧшҳәаа анаҩс,
Еҵәак аҿуп абылра…
АМШЫН ЛАКӘ
Исыҧхьоит уахак сара амшын маӡала,
исзалнахит мҩакы: «Умшәакәа уцала!
Ирашьха иузыҟалап сымшын ацәқәырҧа,
ушьхақәа ухылаҧшлап, ашьхақәа рҧа!»
Нас амза мҩахәасҭа саныланы сцеит,
атәым дунеи аҵасқәагьы амҩан исҵеит.
Ҳаиҭ иаҳҭынра уа лакәҵас илашоит,
Ӡызлан лыҧҳацәа еихатыруа икәашоит.
Исалацәҟәуеит урҭ, исыҧхьоит џьара,
иадгьылтәым насыҧк ала
схырхәеит сара.
Аха цқьа саныҧшлак,
иҧсыбаҩқәоушәа збоит,
аҟәарҭлахқәа рҽеизырган,
чарак ҟарҵоит,
алаҕырӡ-мшын иалакәашо, ирыҧхьаӡоит
ҳалабжьышқәа, нас амшын аҵахь иргоит.
Сара амза мҩахәасҭа саныланы сцоит.
Сышьҭахьҟа илашоит,
саҧхьаҟа илашьцоит.
Ӡызлан лҭыҧҳацәа сывараҿ икәашоит.
Гәыҕрак ииуеит, аха гәыҕрак хәашоит.
Ирашьха инеиуеит сзықәтәоу ацәқәырҧа.
Сышьхақәа схылаҧшуеит ашьхақәа рҧа.
Сахьаго ҳәа сыздырӡом уи амҩа сара…
Аха нагӡара ақәыз амҩа –
еснагь ныҟәара!
АҦШААРА
Ажәакгьы бымҳәаӡеит,
ажәакгьы сымҳәаӡеит.
Баргьы бмыҳәҳәаӡеит уа,
саргьы смыҳәҳәаӡеит.
Аҵх заҵәык ахала заҵәык
иҳәҳәарц иаҿын:
бымцарц бара сныжьны,
баанхарц сара сҿы.
Аха ибымуит – аӡы шцара!
Са сынхеит.
Агаҿа бҽабҭеит, сара
ашхаҟа сеихеит.
Наунагӡа ҳаиҧырҵит,
наунагӡа ҳаицәыӡит
ажәҩан иалоу аҵыси
амшын иҭоу аҧсыӡи…
Уи аахыс кыр шықәса цеит,
иҩ-рыҽҟьаны.
Аҽыҩқәа реиҧш ицеит,
аҳәынҵәа сҿаҟьаны.
Ус акәын, исхашҭыр акәын
уи шьҭа саргьы!
Аха схьаақәа рҳәазо,
сбышьҭоуп иахьагьы.
АӠЫН
Бабаҟоу, мшәан? Иарбан дәыҕбоу бызҭоу?
Иарбан мҩоу, нас, бызманы ицаз?
Аӡын уарчаруеит. Адәныҟа асы шьҭоуп,
суадагь иҩналарц иаҿуп исызцас.
Бабаҟоу бара? Бабацо? Бхы абахоу:
наҟу – арахьу?..Исыздырӡом акгьы.
Адәахьы сыҧшуеит, наҟ аҧарда снахан:
асы шла ихнаҩеит ҳашьҭақәа зегьы.
Быхьыӡ зҳәашаз ҳәа зынӡа акгьы нымхеит,
ахатәы закәанқәа аҧнаҵеит асы.
Са сеиҧш, аҵлақәагьы гылоуп еиҭымха,
о, ршьара изықәлаӡом урҭгьы лассы.
Схәыцуеит сара: мра шәахәала иҭәызма,
мшәан, ҳажәҩан? Абри ашҭа бҭазма баргьы?
Ара зны баргьы саразаҵәык быстәызма?
Саргьы ба сыбтәызма?..
Исхашҭит зегьы.
Сгәалашәарақәа асы жәпа ихнаҩеит,
зегьы – ицаз амшқәа иршьырц иаҿуп.
Исзынбыжьыз адәыкрынқәагь шьҭа иҩеит,
асы иазынхазгьы – ҵаҟа ихәаҽуп.
Бара бымҩа, о, цәгьаӡа ихарахеит!
Бызҿысҭит, бызҿысҭит, ах, ибаҳаӡом.
Бара бымҩа наҟ, ӡыбнаҟа, ибырхеит,
аанҿасырҭак ҳәа бымангьы збаӡом.
Ҳдунеи ҵаауеит. Цәгьалагьы ихьҭоуп.
Ҳабзиабара иациз аҵлақәа ажәит.
Ҳанасыҧгьы аҵаа цәгьа иаршәит.
Аӡын иҵегь аҽарҕәҕәарц агәы иҭоуп.
Бара, акгьы агәхьаа мыкӡакәан, зегьы
аӡын иазынбыжьит. Зегьы аҵаа иагозар
акәхап шьҭа ма бхаҭа бакәзар
аӡын ҳәа сынтәа исҭааз сара?!.
УАХЫНЛАНТӘИ АҾЫҬРА
«Уааи» бҳәазшәа саҳауеит ҵхыбжьон.
Ҧхыӡу, илабҿабоу цәқьа исзеилкааӡом,
аҵх абжьы рацәаҿы быбжьы сзалкааӡом,
Аха «уааи» ҳәа уа бжьык гон…
Шьҭахьҟа сдәықәларцу, амҩа ҧшаауа?
Ах, ашьхақәа, амшынқәа ҳабжьалеит,
ҳамрагьы шьҭа ихышәҭны инҭалеит,
ахра иаҿҟьазшәа, ицоит икаууа.
«Уааи» бҳәазшәа саҳауеит ҵхыбжьон,
аҵх иагәылҩны, бжьык сара исыҧхьоит.
Бааигәа саныҟаз – бмараҳәуан, сыбжьон,
Уажә бсыҧхьоит…Ианбыкәыз уи – ҵыҧхоуп,
ҵыҧхцәоуп?…Мап, ҧсҭазаара бжак цеит.
Хазы сцеит сара. Баргьы бнаскьацәеит.
АНАСЫҦ
Иахантәарак бхыза кәашон,
иахантәарак насыҧк хәашон…
Бышҟа инеирц иқәҧон аҧшагьы,
иахантәарак смыцәеит саргьы.
Издыруан, мацәысран изҿыз,
ибналаны ишцоз уа ҽызк…
Избеит нас, избеит нас: шьыжьы
акыркырҳәа ичон ба быбжьы…
Аҧшагьы саргьы башаӡа ҳшәон:
зегь ҳцас насыҧк уа икәашон
АҲАРАМ
Аџьықәреи леиҵан – аҳәира изгылт,
арахә аниҵан – ақәыџьма рҿагылт,
ашәҭқәа еиҭеиҳан – амыҕ иазҳаит,
«бзиарак» ҟаиҵан – аҕацәа ирҳаит.
Ашәак иҳәоит – ҽадаҵас дхәаауеит,
ухы еилагама ҳәа ауаа изҵаауеит…
Ихаҭагьы издырӡом, дишеит Анцәа цас.
Аа, абри ами аҳарам имоу лахьынҵас!
АЗЕИҔЬШЬАРАҚӘА
Аҵх зцәыхьанҭоу – изыласхааит ашара!
Хшара дызмамгьы – диуааит ахшара!
Аҧара иаҳәазгьы – аҧара!.. са сзын:
Адгьылаҿ анхараз, о, исымаз алшара!
АМШЬҬАЦӘГЬА
Ҽнак даакылсын сыҩны –
сшьақәҟьеит, дысцәыӡит
сыҧсы злаз сҩызагьы!
Сыҩцара дныҵаҧшын –
илҭыкәкәаны ицеит
иҭасҭәаз сҩы зегьы!
Сбора дныҵаҧшын –
илкаҳан иҧсит уа
скамбашьгьы, сыцәгьы!
Ишҧаизызури, ишәҳәандаз,
дысшьуама уи,
аҧсыцәгьа?!.
АБАРБАРҨЫ
Дцәажәозар – ажәала ашьхақәа ирбгоит,
дцәажәозар – аеҵәақәа кыдҧаан иааигоит,
аханқәа иргылоит,
анасыҧқәа ишоит,
ишазар – ирхәлоит,
ихәлазар – иршоит…
Дыззымдыруа –
зегь зымчу ҳәа дрыҧхьаӡоит.
Аха зегьы
ажәала мацара «иҟаиҵоит».
Арцына аиҧш, дкаркаруеит,
минуҭкгьы дтәаӡом,
аха кәтаҕьк иаҟароу ускгьы
иара ихшаӡом.
АҾЫҨБАРА
Уныҳәаҿа анику – унцәоушәа уҟаиҵоит,
убзиарақәа ӡыригоит, уграқәа иӡоит
Аха ашьҭахь уаиргоит зынӡа аҳәынҵәа,
ах, иаӡар – уцәагьы ухыхны ирҟацоит!
ИЗБАН?
Амаҭ уцҳар – акгьы ухьӡом,
иара иахыҵуеит уаҟа аҧсы.
Иуҳәанда, нас: иухьӡи?..
Избан изуарҳәо «ауаҩҧсы»?
УИ МАӠАМ
Уанымҧшылан асаркьа, уи уажьоит:
ууаҩушәа ухы убо уҟанаҵоит.
Ауаа зегьы ирдыруеит, уи маӡам:
иухагылам ахы, агәгьы узҭам.
УХАҬА УЗАКӘЫЗЕИ?
Ахьаҧарч иахылҵыз хьаҧарчхеит,
аҳәа иахылҵыз ҳәахеит.
Уара уҩымҭақәа зегь ҧарчхеит,
иҳәеишь: ухаҭа узакәхеи?
АХШЫҨРҴАҨЦӘА
Ирҭахузеи, ибҳәандаз, Мариам,
изҿузеи, мшәан, абарҭ еилашыҩк?!.
Ҳаи, ахшыҩрҵара ус имараим –
имаҷзаргь, иумазар ауп хшыҩк!
ҾЫРҦШЫГА ҲАСАБЛА
Уажәа уаҩ дахәом, иҟоуҵаз рацәам,
ахьаҧарч еиҧш, уҭалоит, уҭыҵуеит уцәа.
Узусҭоу уасҳәап имӡа: амҵахырхәаразы
ҿырҧшыга ҳасабла уишеит уара Анцәа.
АПОЕТ ИАШШЫҦХЬЫӠ
Лебрен иҟынтә
– Сдырҳәит аҕычцәа, сыхдырҵәеит!..
– Избагәышьоит сара угәала.
– Ирӡеит снапҩымҭақәа, сынҵәеит!..
– Душьит, нас, уи унапала!
ХАИАМ ИҾЫРҦШНЫ
Аҩы зымжәуа – издырӡом аҧсҭазаара агьама,
иреиҕьу имшқәа ацәиӡоит иҧсҭазаара аргама.
Изжәуагьы дыҧсит, изымжәуагьы дыҧсит, избан, нас,
аҩы зымжәуа ашарыла Уахьынтәи дааргама?!.
АХӘЫҶРА
Иахьа исгәалашәеит сxәыҷра...
Аҧсҭазааpа исгәаланаршәеит схәыҷра,
схәыҷpа аҟнытә шықәсык, акы,
мап, шықәсык акәым – мышкы,
«акаҷбеи» ансакәxаз сара,
аҳасабтә аныҟасҵа сара,
баpа ихыбҩаалар бҭаxын,
бара, сгәыла. Аxа исҵәаxын...
Исгәалашәом, ибоума «ҩба»...
Изаҭахузeи уи!
Ашықәсқәа еиҩҧан,
ҳаргәылсит,
бнымxеит баргьы.
Аxа исгәалашәоит yи иаxьагьы.
Аҳасабтә сымоуn уажәгьы.
Аҳасабтә сымоуп.
Саpа сxатәы.
Аxа аӡәы сизкылҧшуам сыҽӡа,
аӡәы идысҵарцгьы саҿӡам –
схала саҿуп,
схала саҿуп.
Аҵхқәа, амшқәа
саҧхьа ишьаҽуп.
Схала саҿуп,
схала саҿуп.
Аxа исгәаҧхаp
имариoу аҭак,
ма сааҧсеит ҳәа
шәаҧхьа снатәар,
исзыҟашәымҵан аӡәгьы шьаҿак,
аӡәгьы шәxу сышәымҭан
ҿаҵак.
Анапқәа сымоуn саргьы,
Ашьапқәа сымоyп саргьы,
саргьы исхагылоуn аxы,
иҟабақӡам, мап, саpа сxы,
аӡәы итәы,
мап, иcҭахым.
Ихырҭәамзаргьы – саpа сxы
сабџьаp иагәыласҵоит. Шьыжьы
cа стәала схысырц.
Уи абжьы
рыламӡырц егьырҭ абжьқәа.
Мап, срыҵашьыцуам
аӡамҩа татаҟаҧшьқәа,
амҩан изҧыло aмаҵә–лаҟәы,
саpа cхатәы сымоyп аразҟы.
Ишәмырxxан cа саxьгьы шәҟамчы,
Аxатә ныҟәашәа амоуп
саpа сҽы.
Уи саргьы насыҧк ашҟа сагоит.
Нас‚ аҽыхәда иқәкны,
Уи aнасыҧ шәзаазгоит.
...Иахьа исгәалашәеит схәыҷра,
саpа сыӡбаҩ, саpа схаҿра.
АҔБАҚӘA
Адгьыл анықәҧшраҵәҟьагьы
Акырӡа иаҧсоуп.
Аҕбақәа адгьыл
Изеигәырҕьо yи азоуп.
Абаp – рыҧсы ршьоит,
иадгылоуп асқьала.
Аҕбақәагьы, ауaа реиҧш,
иааҧсозаp ҟалап.
Амҩақәа ирнымзи,
иныҟәон урҭ хара,
зны-зынлагьы игәхьааргон
инрыжьыз аҟәара,
Адгьыл агәхьаагара –
ахьаақәа иреиҳауп,
адгьылқәa зегьы
Аҧсадгьыл реиҳауп.
Игылоуп аҕбақәа,
раб иашҭа инҭалазшәа,
ан лнапы еиҧш,
рӡамҩа иадуп асқьала.
Ацәқәрҧақәа xумарит,
гәырҕьарaк рхалазшәа,
зны инаскьалап,
зны иааскьалап.
ҞАЗАХСҬАНТӘИ АЦӘАҲӘАҚӘА
(1958–1964)
Ҟазахсҭантәи ачарыц аҭагалаpа иалаxәыз,
ашьҭахь машәырла иҭаxаз сҩыза Расим Ажьиба
игәалашәаpа иазыскуеит абарҭ ацәаҳәақәа
1. АИҦЫЛАРА
Ҳшьапы нықәҳаргалеит адәаӡа.
Аҧшагьы нарыxҟьеит yа ҳӡамҩақәа.
Аpи адгьыл аҭыҧҳацәа абаца,
аpа изеиҧымлазеи ҳаpа ҳамҩақәа?
«Бзаиала шәаабеит» рҳәахьазшәа,
асакарақәа ҿымҭ иаҳҿаҧшуеит.
Аҧшагьы, шьҭа ҳауаpа аҭаххазшәа,
џьара, ҳавараҿ, икәашоит
– Асакарақәа, асакарақәа, ишәымoу
арбану иҵәаxы? – адгьыл сазҵааит.
Сгәышҧы шьҭыx снеиуеит.
Саҧшәымоуп
саргьы ара. Сыҩны сааит.
2. АСАКАРА ШӘАҲӘОИТ
Аҵx лашьца илаҳәоуn асакара.
Џьарантәгьы шьҭыбжьык гаӡом.
Асакаpа ду снықәлеит сымацара,
ауаҭаxаҿ ҭынч сызтәаӡом.
Маҟҿаҳәаpа ачарҭа снылалеит.
Аҧша ҭынч сызгәыкуеит.
Тшьшь!..
Ашьҭыбжь!
Сааҭгылеит...
Аа, yи – асакаpа шәаҳәоит.
Ишәаҳәоит асакара,
малла ибеиоу,
аҧсҭазааpа ҿыцаз
ашәа ҿыц аҧнаҵеит.
Ацх,
ашәа ҭынч,
ауaҩы – ишҧеинаалоу!
Аpи аџьа асимфониa
еилазымгарц,
ҭынч снатәеит.
3.АҴХҚӘА
Арҭ аҵxқәа ирымоуп рxатәы
ҟазшьа,
рхатәы ҧсҭазаашьагь рызшоуп.
Асакаракәа алашьцаpа рxатәоуп,
ҧҭа еиқәаҵәала
ажәҩангьы кәыршоуп,
хыхьынтә иубашам еҵәакгьы.
Амҩагьы ацәыӡит аpи адәы.
Баша имыӡырц аpа
ча-цыракгьы,
иҟазарц ҳцақәа
еикәаҭәы,
ана-ара,
аӡыркәиқәа реиҧш,
иаацәырҟьалоит‚
ирлашо аҵхқәа,
иҧсахyа асакарақәа рҧеиҧш,
акомбаинқәа,
ашәақәа,
аблақәа.
4. АҦСУА АШӘА
Ҟазахсҭантәи ача аҭагалараан 1958 ш.
ҩ-сменак инеиҧынкыланы аyс зулоз
С. Адлеиба изкны
Ауc еилашуеит‚
Зегьы аусутә рызхоит.
Ҟазахсҭантәи адгьыл
ча-мшынла ицәқәырҧоит.
Аyс еилашуеит,
иаҭахуп шә-напык.
Аҧсyа имами шәкы!
Аџьа иаxшаз,
аџьа иааӡаз
аҧсyа дызтәом
баша мышкы.
Усказ даанҿасуам,
зегьы дрыхьӡоит.
ашәала
аyс даҧылоит
иҧхьарҵәа имахәар.
Ашәа
иyс арҧшӡоит,
ҩызасгьы имоуп,
ишҧа наc дымшәаҳәартә!
Ҟазахсҭантәи адәаӡа
ҿымҭ иӡырҩуеит.
Ицоит ашәа хара,
аҧша ашәа мҵаpс
иҧыруеит.
Тоболгьы шанxан,
иаҿуn ашьшьыҳәа ацара.
Ашәа, аҽышьҭыхуа,
ҩада иxалоит,
амpа ашәахәа
иаҧылоит шьыжьӡа,
Амpа аҵыхәтәантәи
ашәахәа наскьанагоит
аҧсyа ашәа хааӡа.
Наc yи
ҵхла иаҧылоит
амза лаша.
Уаxа шаанӡа
yи асакарақәа
ирхаҧыруа ирхоуп.
Абаc
«атәым жәҩан аҵаҟа»
аҧсуа ашәа
ҧсуаҵаc
аҧсы ҭоуп.
5. АБЗИАБАРА
Аҵааҵла гылоуn агәы ахьаауа.
Асакараҿ игылоуп yи xазы.
Уаҳа иазымчҳазт‚ ажәа хаала
агәы азаанартит
Аҧша хәылҧазык.
Аҵааҵла агәалақәа амҵәом.
Иччом,
игәырҕьом,
еснагь изаҵәуп.
Инаскьаны игылеит yи Амҷа,
рыбжьара –
адәеиужь ду ҭацәуп.
Иачҳаит, иачҳаит,
аxа уажәшьҭа
ачҳаpа зынӡа ҳәаакгьы амаӡам.
Иазхоуп!
Аҧша иаxәыҭxәыҭуеит еиҭа,
Аҧша иаацәырнагеит амаӡа.
Аxа yи Амҷа хаpа шгылац игылоуп;
иагьымччеит‚
иагьхьамҧшит зынӡа.
Сҵааҵла
еиҭа гәыҕрақәaк иргәылоуп,
даҽа знык Аҧша ианаҭоит анапынҵа.
Абар, еиҭаx –
о, шаkантәуи! –
иҳәацәоит.
Абар, шьҭа агәыҕрақәагьы нҵәоит...
Аxа дырҩeгьых Амҷа аблақәа ччаӡом,
ма иҩны Аҵааҵлаxь иааӡом.
Иахьгылaц игылоуп.
Наk зымҩа иҧшуа.
Аҵааҵла агәалақәа ирызҳауеит.
Абан,
аxы иаасyа идәықәуп Аҧша,
анапынҵа аxашҭит,
ма чарҳәаpа ауеит. Избан?..
6. АҴЫХӘТӘАНТӘИ АСИГАРЕҬИ АМШ ҬАЦӘИ
Алаф
Аҵыхәтәантәи «Памир»
саҧхьа иқәуп, изыхҭнысҵаз
аҵыхәтәантәи смааҭ.
Аxы иаасyа
сыцәҳаpа дәықәуп.
Ииашоуп, сыцәҳалаpц аpа смааит,
Аxа сџьыба ҭацәит
зынӡаскгьы,
шьҭа сымгәагьы
зынӡа итацәыр,
еинҟьаны скәашалап,
сазцасны
сеиканлап аҧша –
аxҭацәы.
Издыруеит ишымгьежьуа
Амшқәа ицазгьы.
Абар, аҧенџьыр
иахьынҧашеит сылаҧш –
асакарақәа
убла рыxьӡом.
Сынасыҧ азыҳәан
асабагьы сылаҧшт.
Иаӡбоит аҧша:
«Сиҿажьцәаны сцоит».
«Уаангылишь!
Иҟaлом, дад!..»
Еилаҧауан нaс
ҳмаxцәы,
О, сҵаа-ҵлақәа,
цқьа
шәбызшәа сызҵонда,
исшьышьларц нaс
ҵхла шәыхцәы!
Издырит: асакаpа
агәы ҕәҕәақәа рзоуп.
Аpа еилалан ирчаҧоит аразҟқәа.
Аpа анасыҧ
лаҧшҵәыла ирзоит.
«Аҳәсақәа» аҭаxӡам,
иацәымҕуп
ишәақәаз.
Асакара,
асакара,
асакара,
ҧшакгьы зуxьӡом.
Асакара‚
ушҟа цәаныррaк
сгәыдлеит еиҭаx.
Мап, сразҟы азыҳәан
зынӡаскгьы саҕьӡом.
Еиҟәнажәауеит
аҭаҭын лҩа суаҭаx.
Усуpа сымцеит.
Аxа аyс сацәшәаӡом.
Ус,
исгәаҧхашәа,
усуpа сымцеит.
Сшьамxы еиқәыршә –
аҧенџьыр саxьӡом.
С-«Памиргьы» абжеиҳарaк
сафаӡеит.
Шьҭа уигьы
нымҵәашeи – абар,
аҵыхәтәантәи
сҿакуп асигареҭ.
Рифмақәакгьы
ааигәаӡа исзымақаpт –
ажәеинраала зҩышт,
сазымxәыц атема,
асиужет.
Сажәеинраалa азыскуеит
иахьатәи сымш ҭацәы,
Сыҧстазааpа иацәызӡаз,
Исцәыҧсыз иласы.
Cҩызцәа,
Сажәеинраалa ма
Сыжәбар саpа уаҵәы,
Шәсацәҳа
Сажәеинраалеи
сымш ҭацәи рзы.
7. ТОБОЛ АХЫҚӘАН АХӘЫЦРАҚӘА
Стәоуп.
Сшьапқәа ӡаасылауеит Тобол.
Сышьҭахьҟа асакаpа аҽеиҵнаxт зынӡа..
Амрагьы ӡыҭуaн уа,
ацҧхьқәа сҿарбо.
Хәыцpа гәарҭaк сыжәлеит рыҽӡа.
Уахaк цәгьала игәыбзыҕуеит аҧша.
О, иаауазаp yи
Аҧснынтәи иласы?..
Иааxәыҭxәыҭит аҧслыш,
аҧша анаxҟьаша...
Салам сзеиҭарҳәауазар xәылҧазы
Абла еиқәа лҟнытә?
Схыҧшылоит Тобол.
Тобoл ҭынч сҿаҧхьа маҷ-маҷ иҭaбон.
...Xыҧсҭа ццакит,
ахаҳәқәа ирыхҟьаша.
Ацҧxьқәа сҿанаҳәылеит,
иаацәқәырҧан...
Аҭыҧҳагьы дыццакит –
уажәами анша, –
лыҧҳaл лыма днасывҟьеит,
дааҽырбан.
Избеит: сиеҵәа лбааҟьан исыкәашәеит.
Абаp сқыҭа!
Салаҧшуеит снаргәыҵа иқәушәа.
Абаp с-Аҧсынра!
Избоит снаргәыҵа иқәушәа.
Уи еснагь исыцуп,
исыцуn арагьы,
исыцуп еснагь,
исыцуп саxьцалакгьы.
Уи азын иҟам,
иҟалом акы ирацәасшьо,
наӡаӡа Аҧсынpа алами
саpа сцәа-сжьы!
Уи сыҟәцаразы – имчыдоуп аҧсрагьы.
Саҧсуоуп сҳәоит
сыбжьы ҿацаӡа,
аҧсуара саҧсахарцоуп
сызҿугьы зегьы,
саҧсахарцоуп
амҩа сзықәырҵаз сеихраҵа.
Иҟасҵахьоу рацәам,
иҟасымҵац – зқьы.
Aха уалк сықәҵаны сцаргьы сҭаxӡам...
Стәоуп.
Сшьапқәа ӡаасылауеит Тобол.
Лашьцоит.
Асакара аҵх иаҿабоит.
Адунеи аҧсы ашьоит.
Ацәа иалоуп.
Са сусуқәа сыгәҭыхоуп.
Са сышьҭалом.
АРАЗҞҚӘA
Ахaн ҕьаз-ҕьаз.
Амалгьы узхара.
Афатә, aжәтә... –
угәы иаҭахи!
Угaн амца иамҵaк атәара,
еснагь ицқьаны угәи ухи.
Угәаpа уҭамлацкәа
уеиҵаҕәҕәа.
Аҩыза,
ақәла,
аyа
еицырхәхәа
иааило есымша уҩнаҭа.
Еснагь
еицамкyа
улакҭа,
умццакыкәа
уажәа уналаго,
идурдыруеит,
аамҭа ажәала иго,
аџьамыҕәа цәгьа ушагаз,
аpи амaл ду
yа ишааугаз:
ахaн ҕьаца,
аҭынчра, аҧxара...
афатә...
ажәтә...
Угәы иагонда!
Имашьына унақәтәан
знык иубонда!..
Ауарҳалқәа,
ателевизор,
апаркет...
Ныx! – Аҧшәма инапы иҟьеит:
– Ҭынч шьҭа сыҧсы сшьоит.
Аџьабaа шибаз
зегьы ижәбоит
Уажәшьҭа –
ирҳаз ҭынч ифоит:
ихaн ҕьаз-ҕьаз,
амалгьы изхара.
Афатә, ажәтә –
угә иаҭахи!
Уган амца иамҵaк атәара.
Еснагь ицкьаны
Угәи ухи.
Уҧҳәыс гьамгьамгьы –
Дкахәхәа.
Ақәла,
Аҩыза,
Ауа -еицырхәхәа,
О, мап, cа саxь акәым иахьаауа,
Ара иаҧшәымoу саpа сакәӡам.
(Узжьом, дад,
аpи лакәӡам.)
Аҧсҭазаара!
Сашьҭам иахьхаaу ҳәа,
Аҧха иахьҧхоу ҳәагьы сыҧшааyа
Сдәықәым. Амaл дугьы
саpа исxьаауам,
мап, yи акәӡам cа сзышьҭоу!
Ҽнaк сызизгьы yи азы акәӡам.
Ҧсшьарагь ыҟам саpа сзын,
аxан дугьы –
саpа сзықәлаӡом.
Еснагь,
аpи адгьыл сықәнаҵы –
сажәыз, сыҷкәыназ – шарҧазы
сyс сазнеилоит есымша.
Сныҟәоит,
сдәыкәуп,
сызтәаӡом,
сыцлабуеит, савасуеит аҧша,
смиааиргьы
ҟалаӡом.
Даcу ииҭаху иҳәалааит,
ала шуаз, аҽы ҳәлааит,
саpа ахьаҵpа сгәы иҭаӡам.
Аршәaа иаслааит аҧшагьы,
сыбжьы ҩҭызгоит: «Агаӡа!
Сацәшәо сыҟам саpа акгьы!»
Саашьацәхныслаp –
сыбҕаҕоит‚
аxа скаҳауам сеизҟьа,
сыбҕа ҩеиҵых
еиҭа сеиxоит:
еснагь – ҧхьaҟа!
Сымҩа цоит адәаxьы,
саҧpа шьҭыхуn еснагь,
yи иҭасуеит аҧша-ҕьы,
амҩа алздоит
xьабалакь.
Амҩа! Амҩа! Сызтәаӡом.
Амҩа, амҩа саpа исыҧxьоит,
Мчык сызкышагь ҟалаӡом,
ишьҭоуп амҩа саҧхьа.
Сшьаҿа дуқәа еихҳәауа,
сыдгьыл ахи-ҵыхәeи еимдауа,
инхаз
сымшқәагьы
мҧхьаӡо,
уахи-ҽынлeи сымтәаӡо,
махәарла
сыҧxӡы ҧхьаҳәо,
ирҧсасиyа
агәқyа ихаҳәхо,
сырнысуеит
амҩақәа зегьы,
«ҟоҳ» сҳәом yи азгьы.
Насу?..
Уаҳа сылымшаӡо cҟалар,
зынӡа сшьапы сзеихымго саанxар,
ачаала шьыжьы иарxыз аҭәеиҧш,
сынкаҳап амҩақәа рxаны,
Амрагылараxь
схы рханы.
Еиҕьу cа исҭаxым аҧеиҧш.
АҴААҴЛА
С. Есенин иҟнытә
Аҵааҵла шкәакәа,
Сxышә аxь иааскьаны,
Иҩнаҧшуеит суада,
Асы-хамы ашәҵаны.
Ибыбшxаз амахәқәа,
Ҵаала иxырҷаны,
Еиҵырxт рнацәкьарақәа,
Ачыхәқәа дыркны.
Игылоуп аҵааҵла,
Иҭынчӡа, еиқәшьшьы.
Ихьӡыркушәа, ас-цырақәа
Иуаркалеиyа иxшьуп,
Ашәаҧшьгьы, ҿымҭӡо,
Зегьы ирыxьӡаны,
Амахәқyа еиҭарықәҧcо
Ицоит араӡны.
ЏЬОУК ШӘАXЬ
Акгьы сҳәаӡом иахьа,
Ажәакгьы сҳәаӡом,
исылшо ҟасҵоит, ҧхьа
снеиуеит, сҳәазом.
Сыжәлаp рзыҳәан
Схы шьҭасҵоит. Аxа,
акы заҵәык сызшәыҳәо:
шәысҧышькламсын иахьа.
Саргьы исылшо ҟасҵоит,
сықәҧоит
«исылымшо» азгьы,
Ақәҧара иазыскуеит
сыҧсҭазаара зегьы.
О, сыжәлар ирыхәаша
Са исзыҟамҵар акы,
Ирымҳәартә: «Ахәаша,
Дахьымӡеит игәҭакы...
Зегьы дырҿын, аха
Иқәмызт,
Иамуит акгьы».
Џьоукыx,
ашьшьыҳәа рҿынаxа:
«Дыҩуан ҳәа ҳаҟoуп зынгьы...»
Акгьы сҳәаӡом иахьа,
ажәакгьы сҳәаӡом,
исылшо ҟасҵоит, ҧхьа
снеиуеит, сшәаӡом,
аxа шәаҧырҵ сажәеинраала,
шәаҟәыҵ шәаргьы сцамҩа,
исыҧшаауеит саpа схала
сыжәлаp раxь амҩа.
АЖӘЛАP РАЖӘА
Ажәлаp ааизан, хаҵaк далырxуан ҧызас.
Ажәлаp ҵааит: «Дҳарба, иумада ҩызас?
Уан дабaҟоу? Дааг, ҳналазҵааp ҳҭаxын...»
Абаp иҩызцәа!.. Ан дтәазаp акәхап лыҩны...
Аx, иан диxамшҭxьаз ахаҵа ҳәа иршьоз ауаҩы!
Ажәлаp еицҿакны ирҳәеит: «Мап, даҳҭахым!»
АЖӘEИ АУСИ
Ажәа – ажәоуп, алаф – лафуп, иуҳәар – ицеит.
Ашәҭ еиҧш, знык ишәҭит, нас – иканӡеит.
Аус ҟауҵар – ужәлар рмал иазурҳаит,
Ухьӡ казмыршәша аусгьы ҟауҵеит.
Аҩы бжьысыр – ибжьеихоит, аха ишәарҭаӡам,
уи аҩнаҿы иадырхәоит џьара рхы.
Ауаҩы дыбжьысыр – дҳаиуанхоит, дхәарҭаӡам,
ианҵәҟьагьы... дылҭахым.
АГАӠЕИ АҞӘЫШИ
Агаӡа дурҟәышырц уалагар,
ухаҭа угаӡоуп ҳәа уиҧхьаӡоит.
Аҟәыш дургаӡарц уалагар,
ухаҭа еиҳагьы угаӡахоит.
АУАҨЫ
Утәыла ыҟоуп азын иҭоуп уҧсы.
Ужәлар ыҟоуп азын иҭоуп уҧсы.
Идыр, ужәлар роуп изку уҧсы:
ушьҭырхып – уаҧсазар,
иухәҭазар – уршьып,
аха урылырцар уҧсы шҭоу –
уҧсы,
урцәымҕхар изуҿамҧшуа –
уҽшьы.
АЗҦШPА
Бааи, ҳаиҧылап хәылҧазык,
ҧxьан иаҳзеибымҳәаз еибаҳҳәарц,
ҧxьан иаҳзеилымкааз еилаҳкаарц,
бааи, ҳаиҧылап даҽа знык.
Xыxьынтә амза лашалап,
аҵx гәаҩажә yа иҿырҳаслап,
аҧша маӡа cа исыцәxаслап,
баpа ӡыбнaҟа быҧшлап.
Cа сажәа – бгәаҵанӡа имнаӡар,
баргьы бцәажәаp тәым бызшәала,
исҳәап еиҭа: «О, бманшәалаз!..»
Cа схьаақәа – саpа изӡап.
Мчыла бныскылом бара,
yс ҳаиҧырҵып, yс ҳаицәыӡып,
еиҭаx аҵxаҿ бышьҭа сцәыӡып...
Нaс – исҭаххаp
дыpҩегьых ббара,
еиҭа саҧхьап хәылҧазык,
еиҭа сгәыҕрақәа зегьы еизызгап,
аxәы снықәлан сыбжьы ҩҭызгап:
«Даҽа знык! Даҽа знык!»
Cа исыхәошәа «даҽа знык»,
баpа бааиpа – саpа сахьчошәа,
быбла рҭаҧшpа – саpа сахәышәтәуашәа
сазыҧшыхзаап хәылҧазык.
БАРА БЫХӘМАРУАН...
Бара быхәмаруан иара ус.
Бара дыббон уи даҽакала.
Ах, уи дызмада иахьа усс!
Уи дгәырҩоит иахьа ихала.
Ибҳәанда, дзыхҟьазеи ауаҩы?
Ихароузеи арҧыс, ибҳәанда,
Игәы ианаҳәазар: «Уӡырҩы,
абри лоуп, уавамхан аанда!»
Инасыҧ ибазар ба бнапаҿы,
Игәы быда царҭа амоузар...
Мап, исымҳәеит, ихы ихәаҽып,
ма ишьҭихып ҳәа амаузер.
Аха иара усгьы гәырҩак,
хьааны ицрыхо игәы иҭалеит.
Изхарада? Ибҳәеит ба дырҩегь:
«Сара акгьы схараӡам хаҭала!»
Бара акгьы иабымҳәеит, акгьы,
бара бҟнытә имоуит уи ажәа.
Аха игәыҕра ыӡуамызт мышкгьы,
еснагь иажәа балан данцәажәоз.
Игәы ус инарбеит: быстәуп.
Игәы ианаҳәеит: аӡәгьы ба быда.
Нас ихароузеи, уи ихы итәуп, аха игәы?..
Уи аҕәра збыркыда?
Бзиа бибеит – абри ами игра!
Бзиа бибеит – абри-ами уи ихалаз!..
Шәеиҧыларақәа? Ус быхәмаруан бара.
Иара дгәырҩоит иахьа ихала.
АҨРА
Ҽнак зны ҳҟәазгаӡа ҳнатәар,
ицо амш ҳаманы ицоит.
Нас, иацтәи амш ахь ҳагар,
иҧсқәаз рахь
ҳрыҧхьаӡоит.
Убри азын акәхап, ҳаауеит.
Зегь ҳаивасны, аҩра ҳаҿуп.
Ажәҩан-саркьагьы
џьара иҧҽуп.
Уа, иааҟәымҵ,
асы-мацәыс аҩуеит.
Ҳамшгьы зны илашоуп,
зны – ишәшьуп.
Даҽа зных –
илеиуеит ақәа.
Ҳаеҵәа нахьхьи џьара ихшьуп.
Иаабеит уи ацәаара,
ианыхкәа.
Аха ҳазнеицҧхьаӡа, иара,
цас иҟанаҵошәа,
наҟ инаскьоит.
Еиҭа аҧҭақәа инарылаӡ ицоит.
Џьит ҟанаҵошәа,
ҿымҭ аҽаӡоит.
Аха аанҿасрак ҳақәӡам ҳаргьы, –
аҽыҩқәа реиҧш,
ҳаауеит, ҳаҩуеит.
Уаҳа наҳалымшаӡо ҳааҧсоит.
Аха ҳаангылар –
амацәыс ҳаҩуеит.
Ҳаанҿасыр знык –
ҳаҧсуеит.
Убас акәхап ишныҟәо апланетақәа.
Убас акәхап ҳ-Адгьылгьы шыҩуа.
Иаанҿасыр – уаҟа зегь ҭахоит.
Нас –
ҿыц адунеиқәа аҧҵатәхоит.
Ҳанцәагьы,
илшартә еиҧш,
деибыҭам хшыҩла.
Нас игьежьуеит,
игьежьуеит зегьы.
Ҳархагьежьуеит ҳаргьы
ҳлырақәа,
хазы ҳабацо нас,
зегьы ҳрыламкәа!
Агәҭынчра
ҳа иаҳзааиуам мышкгьы.
Агәҭынчра
ҳара ҳзын ишаӡам.
Нас Сасрыҟәагьы
мҩакы дануп.
Саҭанеи-Гәашьагьы
аҽҳәаҿ дтәаӡам.
Абрыскьыл иҳаҧгьы,
игәашәҭ,
иҭацәуп...
Иҩуеит зегьы.
Аҧсҭазаара азакәан:
аҩра! аҩра! –
Аанҿасрак ҟалаӡом!
Иулымшаша – улырша!
Умчқәа еизыркәкәа!
Амҩа хароуп.
Амҩа нҵәаӡом.
ҞРЫМТӘИ АГӘҬАХӘЫЦРАҚӘА
Атриптих
1. АИБАДЫРРА
Ах, Таврида, Таврида,
умҽхәан зынӡагьы,
иуздырӡом Колхида,
суздырӡом саргьы.
Ашьхақәа ирхылҵыз,
ашьхақәа рҧа,
иазымшьыз, иазмырӡыз
аамҭа ацәқәырҧа,
са схьаақәа здыруа
дмаҷуп иахьа,
аха сҟама цҳафыруа
ишьҭысхит ҩаҧхьа.
Иубазар уара «Арго»,
уи иашьҭаз Аҧсырҭ?
Медеиа лакәым инарго,
ирӡеит урҭ насыҧк.
Атәыла зегь шьҭызхуаз,
изыхьчоз адоуҳа...
Ах, Таврида, Таврида,
Са исҳәо урҳа.
Ах, иӡуам ашьа-баа,
иазыцҟьом аурҭ.
Иахьа сгылеит шьоура,
са сами Аҧсырҭ.
Аамҭақәа среибашьуеит,
схьаҵуам аказы.
Нас аиааира сыманы
схынҳәып хәылҧазык.
Ах, Таврида, Таврида,
суздырӡом сара –
са сами Колхида,
угәыла хара.
2. ҞАРАДАГ АМҴАН
Акыргьы сааскьеит, иубома, Карадаг,
аха ушықәсқәа рымшын сара сзыруам,
ушҟа схазгало амҩагьы сыздыруам,
Карадаг, саргьы ухыцәқәанӡа сҩаг!
Еимыздароуп иахьа уҿаҩақәа зегьы,
исыцәдырӡыз акы абраҟа исыҧшаароуп,
иаҭаххозар, даҽа шәынтәгьы саароуп,
Карадаг, уақәныҳәа сымҩа уаргьы!
Мап, иласымҵаз аасрыхырц саҿым,
саарыхҩым сара, сызҿу лаҵароуп,
жәла бзиак сызҟьар –
сынасыҧ иароуп.
Ара сгылоуп, Ҟарадаг, ушьапаҿы.
Уаҕа сакәушәа, са сышҟа умҧшын,
ма сқәылаҩушәа схы збо салагоит.
Ах, сзалымҵуа уцәқәырҧа салахеит,
Евқсинтәи Понт – са сымшын!
Зегь збеит, исаҳаит –
сдагәам, слашәым, –
нас башагьы сгылам иахьа абраҟа –
рхақ рхысхуеит
умшқәа идыргәаҟуаз,
урҭ ашықәсқәа иршәысхуеит ашәы.
Уара уҟнытә исҭахӡам сара акгьы:
уалкгьы сашьтам, малкгьы сашьҭам –
избозар ҳәа ауп абраҟагьы сашьцәа,
Карадаг, уақәныҳәа сымҩа уаргьы!
Акыргьы сааскьеит, иубома, Ҟарадаг,
аха ушықәсқәа рымшын сара сзыруам,
умаӡақәа рахь сназго амҩа сыздыруам,
нас, сыгәра ганы, уахь саргьы снаг.
3. СИЕҴӘА СЫҦХЬОИТ...
Са исҳәо – амшын иаҳаӡом.
Иарҭынчуам амшынгьы гәалак.
Ах, тавриатәи аҵх лашә аҽалак
са исыжәлеит цәқәырҧак, ишәаӡом.
«Уарбан? Уабаҟаз?
Уаазгазеи ара?» –
аҵх иаланы, бжьык саҳауеит.
Са сымҩала ашьшьыҳәа саауеит,
сымҩасҩуп сара.
О, сыдгьыл ҧшӡа
сымбацт сызхара.
Амшын ала абраҟа сыӡхыҵны,
абарҭ ашьха цәҳәырақәа сырхыҵны
сцоит хара.
Сшьапы аҵаҟа сымҩақәа хеит.
Мҩакаҿ исцәыӡит сқәыҧшра, сҿара.
Гарак уа, сышьтахьҟа, инхеит,
иҧшуп кәыбакгьы саҧхьа џьара.
Мафусаил са сакәӡам, о, мап!
Сықәра сеидара аиҳа еиҵоуп.
Сымҩа санықәлазгьы Иацоуп,
сымҧсыр –
Уаҵәынӡагьы снаӡап!
Нас, сымра, сханы улашала.
Снумыжьын. Еҵәакгьы инасыҧха,
саҧхьа иҩагылеит. Уи сыҧҳьоит:
«Уцала! Уцала! Уцала!»
АИАШЕИ АМЦИ
...аҧсуа
ичеиџьыка
длаҕрагыланы,
акькьыҳәа дшәышәуа
дымцаӡац аӡәгьы...
А. Лашәриа
Уи ажәытә лакә иаҳәо зегьы мцуп:
лтәыла кажьны, Медеиа дымцаӡеит,
уа, амҩан, Аҧсырҭгьы дрымшьӡеит...
Уи ажәытә лакә иаҳәо зегьы мцуп!
Ашықәсқәа иргәылсны,
игоит иахьагьы:
«Ижәдыруаз, сара хьымӡҕык сымгаӡеит,
аӡәгьы симжьаӡеит,
аӡәгьы симыршәаӡеит!..» –
Ает ибжьы гоит,
Ажәҩан-ҵеиџь
сҭаҧшырц ауп сызҿу,
аха сыхбыкьны
сҭахар ҳәа сшәоит.
Лаҕырӡык уа аҧҭагьы инаҿашәоит,
уи шәахсҭаны
инанылоит сгәаҿы.
Ажәҩан азакәанқәа еилсыргарц,
Ажәҩангьы Сиаша Ду асырбарц,
амҩа санылеит,
акыргьы снаӡеит.
Аҵх лашә амазгәыҭ сахьынҳалт.
Ажәҩангәыгьы схыкәшаны сҭалт.
Аха уаҟагьы
анцәа дзымбаӡеит!
Илкыдшәан еҵәак,
Адгьыл иазцеит.
Иблаҟьо,
шьҭа ажәҩан иалазаап еҵәак.
Издыруада: сабазар ма сакәзар
иаҭынхо уи аеҵәагьы ҽнак?!.
Аха еҵәамзар уи –
сара сакәзар?!.
АГӘҼАНҴАРА
Сашьа ҳәа уаазгазар аҩны,
аишәаҿы усыртәазар аханы,
иуфазар,
иужәызар узхара,
нас уақәымшәазар
Ацашьа уара –
утәаз?
Идыр, аҧшәма дразуп.
Аха иухамшҭын уаргьы:
усасуп!
иуаҭәам ажәа умҳәан,
иуаҭәам аус ҟаумҵан,
иахьакәым иумырххан унапы,
иқәумҵан ҳаишәагь ушьапы,
Усасызар –
Уҟаз сасҵас.
Сара избап
са исуалу,
са сҵас.
Сашьа ҳәа уаазгазар аҩны,
аишәаҿы усыртәазар аханы,
иуфазар,
иужәызар узхара,
нас уақәымшәазар
ацашьа уара,
удәылсымцазар лаҵас уҧхаҵа,
схы аҳаҭыр збеит ауп,
ихаҵа?
Сацәымшәаӡеит
мап, сара акгьы,
суцәымшәаӡеит,
судыруаз уаргьы.
Иумбои,
сханы икнаҳауп ҟамчык,
аха иҟоуп
схәышҭаара зыхьчо
мчык.
Уи ус, унагәҭасны, узцом.
Уҽазукыргьы –
сара изуӡом.
***
Ҳра дугьы шьҭа абҕьы канаҧсеит.
Ҳамшқәа кьаҿхан, иҵааит еиҳагьы.
Бышҟа амҩа сшаныз – сааҧсеит,
наскьароуп ба бызҿу иахьагьы.
Исзеилкаауам, мап, бҧыруама?
Ма иарбан мчу ибыҵас бызго?
Ма амҩаҿ уа џьара сыкҿахама?
Сымҩахҟьама, сахьцо ҳәа зымбо?..
Исхыкны ҧҭа хәашьқәак еизеит.
Имацәысит, адыдгьы хыст, абар.
Ҳра дугьы шьҭа абҕьы канаҧсеит,
иҟаӡам сқәыҧшрагьы ахабарк.
Уи акәхап, нас, рҟамақәа ҭыхны,
аӡын хьҭақәа сыжәлеит еиҭагьы.
Ҳра дугьы гылоуп шьҭа еилыхны,
аӡын урҭ бысцәалаӡит баргьы…
***
Ашьхантә иасуеит аҧша.
Имақарит: «иҟасҵо жәбап?»
Асы лбаанагозар ҟалап,
ашьхантә иасуеит аҧша.
Аӡын аҽеибыҭара иаҿуп.
Аҵлақәа шгәыҕуаз иааҧсеит,
абыҕьқәа ҩежьхан,
икаҧсеит.
Иарцәгьеит аӡын ахаҿы.
Апҟақәа дәықәлеит еиҭа,
аӡын урҭгьы ҧханаҵеит.
Сара аӡын-бызшәа сҵеит,
шьҭа сызшьуада,
ҳаҕеиҭа?!.
Ахәы ҟасҵап аӡын сымтәа,
агәы нсырхом, мап, зынӡагьы.
Мышьҭа бзиала!
Аӡынгьы саргьы
ҳаинышәарц ауп сынтәа.
Ашьхантә ишьқьыруан аҧша.
Иҽхәеит нас: «Иҟасҵо убап?»
Сҭыҧҳак дысзаҳәазар ҟалап,
чарашәак
цәырнагеит ианша.
УАХЫНЛАТӘИ АГӘҬЫХАҚӘА
Зынӡа хьаак амаӡам уҳәап адунеи,
икашшыроушәа зынӡа, аҵхгьы ҽырбоит.
Аха сгәы ҭынчым сара,
сгәы иснарбоит:
ажәҩан аҵкараҿ
еҵәак кыдшәан илеит.
Издыруада, уи амца ахаҧахьазаргьы,
ибылуазар уа дунеи лашак иахьа?
Ма, издыруада, зынӡа ибылхьазаргьы,
изышьақәымгылаӡо ҩаҧхьа?!.
Ажәҩан-дырган
ианҧсалоуп еҵәа гәарҭак,
аӡә аҳаҳаиҳәа ирыҵеиҵоит урҭ амца.
Зараҟьаҵас ибылуеит, аха иаҳбарҭам,
дунеик ҭахозар, нас,
уи Аџьал Ду амҵан?..
Издыруада, аҵхгьы сацәажәом сара!
Ажәҩан абызшәагьы сымҵацт иахьазы.
Аӡыркәиқәа реиҧш,
аеҵәақәа лацәҟәуеит.
Асар рымҩагьы есааира илаҟәуеит,
ма, ӡиасҵас иҳаҩсны,
ицоит уи хазы.
Ажәҩангьы ахатә закәанқәа аҧнаҵеит.
Асар рымҩагьы асарақәа анӡам,
ишәарҭам узҳәом уи амҩагьы зынӡа.
Ах, сара
ҧсабаратә закәанқәакгьы сымҵеит,
агаӡа, аҵх аблақәа схырхит сара,
аҧшӡара азакәанқәа рыла сынхоит.
Аха, иҟалап,
мышкы зны иаҭаххоит
даҽа закәанқәак рыла анхара.
Ианба?..
Ах, урҭ амшқәа сыбла ирҭаӡом.
Сара саџьалгьы аеҵәақәа ирӡоит.
Исзыҧшуазеи наҟ-наҟ:
ашәҭра?..
абылра?..
Ҳдунеигьы ҧшуеит,
Иҟамлаӡацшәа зынӡа ҧсрак.
Аҵхгьы,
зынӡа иҭынчушәа,
аҽснарбоит,
ҧсуа ҭыҧҳаҵас,
Уахак иҽырбоит,
аха цәалашәарак
сарҭынчуам сара.
Нахьхьи,
ҳалаҧшҳәаа анаҩс,
Еҵәак аҿуп абылра…
АМШЫН ЛАКӘ
Исыҧхьоит уахак сара амшын маӡала,
исзалнахит мҩакы: «Умшәакәа уцала!
Ирашьха иузыҟалап сымшын ацәқәырҧа,
ушьхақәа ухылаҧшлап, ашьхақәа рҧа!»
Нас амза мҩахәасҭа саныланы сцеит,
атәым дунеи аҵасқәагьы амҩан исҵеит.
Ҳаиҭ иаҳҭынра уа лакәҵас илашоит,
Ӡызлан лыҧҳацәа еихатыруа икәашоит.
Исалацәҟәуеит урҭ, исыҧхьоит џьара,
иадгьылтәым насыҧк ала
схырхәеит сара.
Аха цқьа саныҧшлак,
иҧсыбаҩқәоушәа збоит,
аҟәарҭлахқәа рҽеизырган,
чарак ҟарҵоит,
алаҕырӡ-мшын иалакәашо, ирыҧхьаӡоит
ҳалабжьышқәа, нас амшын аҵахь иргоит.
Сара амза мҩахәасҭа саныланы сцоит.
Сышьҭахьҟа илашоит,
саҧхьаҟа илашьцоит.
Ӡызлан лҭыҧҳацәа сывараҿ икәашоит.
Гәыҕрак ииуеит, аха гәыҕрак хәашоит.
Ирашьха инеиуеит сзықәтәоу ацәқәырҧа.
Сышьхақәа схылаҧшуеит ашьхақәа рҧа.
Сахьаго ҳәа сыздырӡом уи амҩа сара…
Аха нагӡара ақәыз амҩа –
еснагь ныҟәара!
АҦШААРА
Ажәакгьы бымҳәаӡеит,
ажәакгьы сымҳәаӡеит.
Баргьы бмыҳәҳәаӡеит уа,
саргьы смыҳәҳәаӡеит.
Аҵх заҵәык ахала заҵәык
иҳәҳәарц иаҿын:
бымцарц бара сныжьны,
баанхарц сара сҿы.
Аха ибымуит – аӡы шцара!
Са сынхеит.
Агаҿа бҽабҭеит, сара
ашхаҟа сеихеит.
Наунагӡа ҳаиҧырҵит,
наунагӡа ҳаицәыӡит
ажәҩан иалоу аҵыси
амшын иҭоу аҧсыӡи…
Уи аахыс кыр шықәса цеит,
иҩ-рыҽҟьаны.
Аҽыҩқәа реиҧш ицеит,
аҳәынҵәа сҿаҟьаны.
Ус акәын, исхашҭыр акәын
уи шьҭа саргьы!
Аха схьаақәа рҳәазо,
сбышьҭоуп иахьагьы.
АӠЫН
Бабаҟоу, мшәан? Иарбан дәыҕбоу бызҭоу?
Иарбан мҩоу, нас, бызманы ицаз?
Аӡын уарчаруеит. Адәныҟа асы шьҭоуп,
суадагь иҩналарц иаҿуп исызцас.
Бабаҟоу бара? Бабацо? Бхы абахоу:
наҟу – арахьу?..Исыздырӡом акгьы.
Адәахьы сыҧшуеит, наҟ аҧарда снахан:
асы шла ихнаҩеит ҳашьҭақәа зегьы.
Быхьыӡ зҳәашаз ҳәа зынӡа акгьы нымхеит,
ахатәы закәанқәа аҧнаҵеит асы.
Са сеиҧш, аҵлақәагьы гылоуп еиҭымха,
о, ршьара изықәлаӡом урҭгьы лассы.
Схәыцуеит сара: мра шәахәала иҭәызма,
мшәан, ҳажәҩан? Абри ашҭа бҭазма баргьы?
Ара зны баргьы саразаҵәык быстәызма?
Саргьы ба сыбтәызма?..
Исхашҭит зегьы.
Сгәалашәарақәа асы жәпа ихнаҩеит,
зегьы – ицаз амшқәа иршьырц иаҿуп.
Исзынбыжьыз адәыкрынқәагь шьҭа иҩеит,
асы иазынхазгьы – ҵаҟа ихәаҽуп.
Бара бымҩа, о, цәгьаӡа ихарахеит!
Бызҿысҭит, бызҿысҭит, ах, ибаҳаӡом.
Бара бымҩа наҟ, ӡыбнаҟа, ибырхеит,
аанҿасырҭак ҳәа бымангьы збаӡом.
Ҳдунеи ҵаауеит. Цәгьалагьы ихьҭоуп.
Ҳабзиабара иациз аҵлақәа ажәит.
Ҳанасыҧгьы аҵаа цәгьа иаршәит.
Аӡын иҵегь аҽарҕәҕәарц агәы иҭоуп.
Бара, акгьы агәхьаа мыкӡакәан, зегьы
аӡын иазынбыжьит. Зегьы аҵаа иагозар
акәхап шьҭа ма бхаҭа бакәзар
аӡын ҳәа сынтәа исҭааз сара?!.
УАХЫНЛАНТӘИ АҾЫҬРА
«Уааи» бҳәазшәа саҳауеит ҵхыбжьон.
Ҧхыӡу, илабҿабоу цәқьа исзеилкааӡом,
аҵх абжьы рацәаҿы быбжьы сзалкааӡом,
Аха «уааи» ҳәа уа бжьык гон…
Шьҭахьҟа сдәықәларцу, амҩа ҧшаауа?
Ах, ашьхақәа, амшынқәа ҳабжьалеит,
ҳамрагьы шьҭа ихышәҭны инҭалеит,
ахра иаҿҟьазшәа, ицоит икаууа.
«Уааи» бҳәазшәа саҳауеит ҵхыбжьон,
аҵх иагәылҩны, бжьык сара исыҧхьоит.
Бааигәа саныҟаз – бмараҳәуан, сыбжьон,
Уажә бсыҧхьоит…Ианбыкәыз уи – ҵыҧхоуп,
ҵыҧхцәоуп?…Мап, ҧсҭазаара бжак цеит.
Хазы сцеит сара. Баргьы бнаскьацәеит.
АНАСЫҦ
Иахантәарак бхыза кәашон,
иахантәарак насыҧк хәашон…
Бышҟа инеирц иқәҧон аҧшагьы,
иахантәарак смыцәеит саргьы.
Издыруан, мацәысран изҿыз,
ибналаны ишцоз уа ҽызк…
Избеит нас, избеит нас: шьыжьы
акыркырҳәа ичон ба быбжьы…
Аҧшагьы саргьы башаӡа ҳшәон:
зегь ҳцас насыҧк уа икәашон
АҲАРАМ
Аџьықәреи леиҵан – аҳәира изгылт,
арахә аниҵан – ақәыџьма рҿагылт,
ашәҭқәа еиҭеиҳан – амыҕ иазҳаит,
«бзиарак» ҟаиҵан – аҕацәа ирҳаит.
Ашәак иҳәоит – ҽадаҵас дхәаауеит,
ухы еилагама ҳәа ауаа изҵаауеит…
Ихаҭагьы издырӡом, дишеит Анцәа цас.
Аа, абри ами аҳарам имоу лахьынҵас!
АЗЕИҔЬШЬАРАҚӘА
Аҵх зцәыхьанҭоу – изыласхааит ашара!
Хшара дызмамгьы – диуааит ахшара!
Аҧара иаҳәазгьы – аҧара!.. са сзын:
Адгьылаҿ анхараз, о, исымаз алшара!
АМШЬҬАЦӘГЬА
Ҽнак даакылсын сыҩны –
сшьақәҟьеит, дысцәыӡит
сыҧсы злаз сҩызагьы!
Сыҩцара дныҵаҧшын –
илҭыкәкәаны ицеит
иҭасҭәаз сҩы зегьы!
Сбора дныҵаҧшын –
илкаҳан иҧсит уа
скамбашьгьы, сыцәгьы!
Ишҧаизызури, ишәҳәандаз,
дысшьуама уи,
аҧсыцәгьа?!.
АБАРБАРҨЫ
Дцәажәозар – ажәала ашьхақәа ирбгоит,
дцәажәозар – аеҵәақәа кыдҧаан иааигоит,
аханқәа иргылоит,
анасыҧқәа ишоит,
ишазар – ирхәлоит,
ихәлазар – иршоит…
Дыззымдыруа –
зегь зымчу ҳәа дрыҧхьаӡоит.
Аха зегьы
ажәала мацара «иҟаиҵоит».
Арцына аиҧш, дкаркаруеит,
минуҭкгьы дтәаӡом,
аха кәтаҕьк иаҟароу ускгьы
иара ихшаӡом.
АҾЫҨБАРА
Уныҳәаҿа анику – унцәоушәа уҟаиҵоит,
убзиарақәа ӡыригоит, уграқәа иӡоит
Аха ашьҭахь уаиргоит зынӡа аҳәынҵәа,
ах, иаӡар – уцәагьы ухыхны ирҟацоит!
ИЗБАН?
Амаҭ уцҳар – акгьы ухьӡом,
иара иахыҵуеит уаҟа аҧсы.
Иуҳәанда, нас: иухьӡи?..
Избан изуарҳәо «ауаҩҧсы»?
УИ МАӠАМ
Уанымҧшылан асаркьа, уи уажьоит:
ууаҩушәа ухы убо уҟанаҵоит.
Ауаа зегьы ирдыруеит, уи маӡам:
иухагылам ахы, агәгьы узҭам.
УХАҬА УЗАКӘЫЗЕИ?
Ахьаҧарч иахылҵыз хьаҧарчхеит,
аҳәа иахылҵыз ҳәахеит.
Уара уҩымҭақәа зегь ҧарчхеит,
иҳәеишь: ухаҭа узакәхеи?
АХШЫҨРҴАҨЦӘА
Ирҭахузеи, ибҳәандаз, Мариам,
изҿузеи, мшәан, абарҭ еилашыҩк?!.
Ҳаи, ахшыҩрҵара ус имараим –
имаҷзаргь, иумазар ауп хшыҩк!
ҾЫРҦШЫГА ҲАСАБЛА
Уажәа уаҩ дахәом, иҟоуҵаз рацәам,
ахьаҧарч еиҧш, уҭалоит, уҭыҵуеит уцәа.
Узусҭоу уасҳәап имӡа: амҵахырхәаразы
ҿырҧшыга ҳасабла уишеит уара Анцәа.
АПОЕТ ИАШШЫҦХЬЫӠ
Лебрен иҟынтә
– Сдырҳәит аҕычцәа, сыхдырҵәеит!..
– Избагәышьоит сара угәала.
– Ирӡеит снапҩымҭақәа, сынҵәеит!..
– Душьит, нас, уи унапала!
ХАИАМ ИҾЫРҦШНЫ
Аҩы зымжәуа – издырӡом аҧсҭазаара агьама,
иреиҕьу имшқәа ацәиӡоит иҧсҭазаара аргама.
Изжәуагьы дыҧсит, изымжәуагьы дыҧсит, избан, нас,
аҩы зымжәуа ашарыла Уахьынтәи дааргама?!.
АХӘЫҶРА
Иахьа исгәалашәеит сxәыҷра...
Аҧсҭазааpа исгәаланаршәеит схәыҷра,
схәыҷpа аҟнытә шықәсык, акы,
мап, шықәсык акәым – мышкы,
«акаҷбеи» ансакәxаз сара,
аҳасабтә аныҟасҵа сара,
баpа ихыбҩаалар бҭаxын,
бара, сгәыла. Аxа исҵәаxын...
Исгәалашәом, ибоума «ҩба»...
Изаҭахузeи уи!
Ашықәсқәа еиҩҧан,
ҳаргәылсит,
бнымxеит баргьы.
Аxа исгәалашәоит yи иаxьагьы.
Аҳасабтә сымоуn уажәгьы.
Аҳасабтә сымоуп.
Саpа сxатәы.
Аxа аӡәы сизкылҧшуам сыҽӡа,
аӡәы идысҵарцгьы саҿӡам –
схала саҿуп,
схала саҿуп.
Аҵхқәа, амшқәа
саҧхьа ишьаҽуп.
Схала саҿуп,
схала саҿуп.
Аxа исгәаҧхаp
имариoу аҭак,
ма сааҧсеит ҳәа
шәаҧхьа снатәар,
исзыҟашәымҵан аӡәгьы шьаҿак,
аӡәгьы шәxу сышәымҭан
ҿаҵак.
Анапқәа сымоуn саргьы,
Ашьапқәа сымоyп саргьы,
саргьы исхагылоуn аxы,
иҟабақӡам, мап, саpа сxы,
аӡәы итәы,
мап, иcҭахым.
Ихырҭәамзаргьы – саpа сxы
сабџьаp иагәыласҵоит. Шьыжьы
cа стәала схысырц.
Уи абжьы
рыламӡырц егьырҭ абжьқәа.
Мап, срыҵашьыцуам
аӡамҩа татаҟаҧшьқәа,
амҩан изҧыло aмаҵә–лаҟәы,
саpа cхатәы сымоyп аразҟы.
Ишәмырxxан cа саxьгьы шәҟамчы,
Аxатә ныҟәашәа амоуп
саpа сҽы.
Уи саргьы насыҧк ашҟа сагоит.
Нас‚ аҽыхәда иқәкны,
Уи aнасыҧ шәзаазгоит.
...Иахьа исгәалашәеит схәыҷра,
саpа сыӡбаҩ, саpа схаҿра.
АҔБАҚӘA
Адгьыл анықәҧшраҵәҟьагьы
Акырӡа иаҧсоуп.
Аҕбақәа адгьыл
Изеигәырҕьо yи азоуп.
Абаp – рыҧсы ршьоит,
иадгылоуп асқьала.
Аҕбақәагьы, ауaа реиҧш,
иааҧсозаp ҟалап.
Амҩақәа ирнымзи,
иныҟәон урҭ хара,
зны-зынлагьы игәхьааргон
инрыжьыз аҟәара,
Адгьыл агәхьаагара –
ахьаақәа иреиҳауп,
адгьылқәa зегьы
Аҧсадгьыл реиҳауп.
Игылоуп аҕбақәа,
раб иашҭа инҭалазшәа,
ан лнапы еиҧш,
рӡамҩа иадуп асқьала.
Ацәқәрҧақәа xумарит,
гәырҕьарaк рхалазшәа,
зны инаскьалап,
зны иааскьалап.
ҞАЗАХСҬАНТӘИ АЦӘАҲӘАҚӘА
(1958–1964)
Ҟазахсҭантәи ачарыц аҭагалаpа иалаxәыз,
ашьҭахь машәырла иҭаxаз сҩыза Расим Ажьиба
игәалашәаpа иазыскуеит абарҭ ацәаҳәақәа
1. АИҦЫЛАРА
Ҳшьапы нықәҳаргалеит адәаӡа.
Аҧшагьы нарыxҟьеит yа ҳӡамҩақәа.
Аpи адгьыл аҭыҧҳацәа абаца,
аpа изеиҧымлазеи ҳаpа ҳамҩақәа?
«Бзаиала шәаабеит» рҳәахьазшәа,
асакарақәа ҿымҭ иаҳҿаҧшуеит.
Аҧшагьы, шьҭа ҳауаpа аҭаххазшәа,
џьара, ҳавараҿ, икәашоит
– Асакарақәа, асакарақәа, ишәымoу
арбану иҵәаxы? – адгьыл сазҵааит.
Сгәышҧы шьҭыx снеиуеит.
Саҧшәымоуп
саргьы ара. Сыҩны сааит.
2. АСАКАРА ШӘАҲӘОИТ
Аҵx лашьца илаҳәоуn асакара.
Џьарантәгьы шьҭыбжьык гаӡом.
Асакаpа ду снықәлеит сымацара,
ауаҭаxаҿ ҭынч сызтәаӡом.
Маҟҿаҳәаpа ачарҭа снылалеит.
Аҧша ҭынч сызгәыкуеит.
Тшьшь!..
Ашьҭыбжь!
Сааҭгылеит...
Аа, yи – асакаpа шәаҳәоит.
Ишәаҳәоит асакара,
малла ибеиоу,
аҧсҭазааpа ҿыцаз
ашәа ҿыц аҧнаҵеит.
Ацх,
ашәа ҭынч,
ауaҩы – ишҧеинаалоу!
Аpи аџьа асимфониa
еилазымгарц,
ҭынч снатәеит.
3.АҴХҚӘА
Арҭ аҵxқәа ирымоуп рxатәы
ҟазшьа,
рхатәы ҧсҭазаашьагь рызшоуп.
Асакаракәа алашьцаpа рxатәоуп,
ҧҭа еиқәаҵәала
ажәҩангьы кәыршоуп,
хыхьынтә иубашам еҵәакгьы.
Амҩагьы ацәыӡит аpи адәы.
Баша имыӡырц аpа
ча-цыракгьы,
иҟазарц ҳцақәа
еикәаҭәы,
ана-ара,
аӡыркәиқәа реиҧш,
иаацәырҟьалоит‚
ирлашо аҵхқәа,
иҧсахyа асакарақәа рҧеиҧш,
акомбаинқәа,
ашәақәа,
аблақәа.
4. АҦСУА АШӘА
Ҟазахсҭантәи ача аҭагалараан 1958 ш.
ҩ-сменак инеиҧынкыланы аyс зулоз
С. Адлеиба изкны
Ауc еилашуеит‚
Зегьы аусутә рызхоит.
Ҟазахсҭантәи адгьыл
ча-мшынла ицәқәырҧоит.
Аyс еилашуеит,
иаҭахуп шә-напык.
Аҧсyа имами шәкы!
Аџьа иаxшаз,
аџьа иааӡаз
аҧсyа дызтәом
баша мышкы.
Усказ даанҿасуам,
зегьы дрыхьӡоит.
ашәала
аyс даҧылоит
иҧхьарҵәа имахәар.
Ашәа
иyс арҧшӡоит,
ҩызасгьы имоуп,
ишҧа наc дымшәаҳәартә!
Ҟазахсҭантәи адәаӡа
ҿымҭ иӡырҩуеит.
Ицоит ашәа хара,
аҧша ашәа мҵаpс
иҧыруеит.
Тоболгьы шанxан,
иаҿуn ашьшьыҳәа ацара.
Ашәа, аҽышьҭыхуа,
ҩада иxалоит,
амpа ашәахәа
иаҧылоит шьыжьӡа,
Амpа аҵыхәтәантәи
ашәахәа наскьанагоит
аҧсyа ашәа хааӡа.
Наc yи
ҵхла иаҧылоит
амза лаша.
Уаxа шаанӡа
yи асакарақәа
ирхаҧыруа ирхоуп.
Абаc
«атәым жәҩан аҵаҟа»
аҧсуа ашәа
ҧсуаҵаc
аҧсы ҭоуп.
5. АБЗИАБАРА
Аҵааҵла гылоуn агәы ахьаауа.
Асакараҿ игылоуп yи xазы.
Уаҳа иазымчҳазт‚ ажәа хаала
агәы азаанартит
Аҧша хәылҧазык.
Аҵааҵла агәалақәа амҵәом.
Иччом,
игәырҕьом,
еснагь изаҵәуп.
Инаскьаны игылеит yи Амҷа,
рыбжьара –
адәеиужь ду ҭацәуп.
Иачҳаит, иачҳаит,
аxа уажәшьҭа
ачҳаpа зынӡа ҳәаакгьы амаӡам.
Иазхоуп!
Аҧша иаxәыҭxәыҭуеит еиҭа,
Аҧша иаацәырнагеит амаӡа.
Аxа yи Амҷа хаpа шгылац игылоуп;
иагьымччеит‚
иагьхьамҧшит зынӡа.
Сҵааҵла
еиҭа гәыҕрақәaк иргәылоуп,
даҽа знык Аҧша ианаҭоит анапынҵа.
Абар, еиҭаx –
о, шаkантәуи! –
иҳәацәоит.
Абар, шьҭа агәыҕрақәагьы нҵәоит...
Аxа дырҩeгьых Амҷа аблақәа ччаӡом,
ма иҩны Аҵааҵлаxь иааӡом.
Иахьгылaц игылоуп.
Наk зымҩа иҧшуа.
Аҵааҵла агәалақәа ирызҳауеит.
Абан,
аxы иаасyа идәықәуп Аҧша,
анапынҵа аxашҭит,
ма чарҳәаpа ауеит. Избан?..
6. АҴЫХӘТӘАНТӘИ АСИГАРЕҬИ АМШ ҬАЦӘИ
Алаф
Аҵыхәтәантәи «Памир»
саҧхьа иқәуп, изыхҭнысҵаз
аҵыхәтәантәи смааҭ.
Аxы иаасyа
сыцәҳаpа дәықәуп.
Ииашоуп, сыцәҳалаpц аpа смааит,
Аxа сџьыба ҭацәит
зынӡаскгьы,
шьҭа сымгәагьы
зынӡа итацәыр,
еинҟьаны скәашалап,
сазцасны
сеиканлап аҧша –
аxҭацәы.
Издыруеит ишымгьежьуа
Амшқәа ицазгьы.
Абар, аҧенџьыр
иахьынҧашеит сылаҧш –
асакарақәа
убла рыxьӡом.
Сынасыҧ азыҳәан
асабагьы сылаҧшт.
Иаӡбоит аҧша:
«Сиҿажьцәаны сцоит».
«Уаангылишь!
Иҟaлом, дад!..»
Еилаҧауан нaс
ҳмаxцәы,
О, сҵаа-ҵлақәа,
цқьа
шәбызшәа сызҵонда,
исшьышьларц нaс
ҵхла шәыхцәы!
Издырит: асакаpа
агәы ҕәҕәақәа рзоуп.
Аpа еилалан ирчаҧоит аразҟқәа.
Аpа анасыҧ
лаҧшҵәыла ирзоит.
«Аҳәсақәа» аҭаxӡам,
иацәымҕуп
ишәақәаз.
Асакара,
асакара,
асакара,
ҧшакгьы зуxьӡом.
Асакара‚
ушҟа цәаныррaк
сгәыдлеит еиҭаx.
Мап, сразҟы азыҳәан
зынӡаскгьы саҕьӡом.
Еиҟәнажәауеит
аҭаҭын лҩа суаҭаx.
Усуpа сымцеит.
Аxа аyс сацәшәаӡом.
Ус,
исгәаҧхашәа,
усуpа сымцеит.
Сшьамxы еиқәыршә –
аҧенџьыр саxьӡом.
С-«Памиргьы» абжеиҳарaк
сафаӡеит.
Шьҭа уигьы
нымҵәашeи – абар,
аҵыхәтәантәи
сҿакуп асигареҭ.
Рифмақәакгьы
ааигәаӡа исзымақаpт –
ажәеинраала зҩышт,
сазымxәыц атема,
асиужет.
Сажәеинраалa азыскуеит
иахьатәи сымш ҭацәы,
Сыҧстазааpа иацәызӡаз,
Исцәыҧсыз иласы.
Cҩызцәа,
Сажәеинраалa ма
Сыжәбар саpа уаҵәы,
Шәсацәҳа
Сажәеинраалеи
сымш ҭацәи рзы.
7. ТОБОЛ АХЫҚӘАН АХӘЫЦРАҚӘА
Стәоуп.
Сшьапқәа ӡаасылауеит Тобол.
Сышьҭахьҟа асакаpа аҽеиҵнаxт зынӡа..
Амрагьы ӡыҭуaн уа,
ацҧхьқәа сҿарбо.
Хәыцpа гәарҭaк сыжәлеит рыҽӡа.
Уахaк цәгьала игәыбзыҕуеит аҧша.
О, иаауазаp yи
Аҧснынтәи иласы?..
Иааxәыҭxәыҭит аҧслыш,
аҧша анаxҟьаша...
Салам сзеиҭарҳәауазар xәылҧазы
Абла еиқәа лҟнытә?
Схыҧшылоит Тобол.
Тобoл ҭынч сҿаҧхьа маҷ-маҷ иҭaбон.
...Xыҧсҭа ццакит,
ахаҳәқәа ирыхҟьаша.
Ацҧxьқәа сҿанаҳәылеит,
иаацәқәырҧан...
Аҭыҧҳагьы дыццакит –
уажәами анша, –
лыҧҳaл лыма днасывҟьеит,
дааҽырбан.
Избеит: сиеҵәа лбааҟьан исыкәашәеит.
Абаp сқыҭа!
Салаҧшуеит снаргәыҵа иқәушәа.
Абаp с-Аҧсынра!
Избоит снаргәыҵа иқәушәа.
Уи еснагь исыцуп,
исыцуn арагьы,
исыцуп еснагь,
исыцуп саxьцалакгьы.
Уи азын иҟам,
иҟалом акы ирацәасшьо,
наӡаӡа Аҧсынpа алами
саpа сцәа-сжьы!
Уи сыҟәцаразы – имчыдоуп аҧсрагьы.
Саҧсуоуп сҳәоит
сыбжьы ҿацаӡа,
аҧсуара саҧсахарцоуп
сызҿугьы зегьы,
саҧсахарцоуп
амҩа сзықәырҵаз сеихраҵа.
Иҟасҵахьоу рацәам,
иҟасымҵац – зқьы.
Aха уалк сықәҵаны сцаргьы сҭаxӡам...
Стәоуп.
Сшьапқәа ӡаасылауеит Тобол.
Лашьцоит.
Асакара аҵх иаҿабоит.
Адунеи аҧсы ашьоит.
Ацәа иалоуп.
Са сусуқәа сыгәҭыхоуп.
Са сышьҭалом.
АРАЗҞҚӘA
Ахaн ҕьаз-ҕьаз.
Амалгьы узхара.
Афатә, aжәтә... –
угәы иаҭахи!
Угaн амца иамҵaк атәара,
еснагь ицқьаны угәи ухи.
Угәаpа уҭамлацкәа
уеиҵаҕәҕәа.
Аҩыза,
ақәла,
аyа
еицырхәхәа
иааило есымша уҩнаҭа.
Еснагь
еицамкyа
улакҭа,
умццакыкәа
уажәа уналаго,
идурдыруеит,
аамҭа ажәала иго,
аџьамыҕәа цәгьа ушагаз,
аpи амaл ду
yа ишааугаз:
ахaн ҕьаца,
аҭынчра, аҧxара...
афатә...
ажәтә...
Угәы иагонда!
Имашьына унақәтәан
знык иубонда!..
Ауарҳалқәа,
ателевизор,
апаркет...
Ныx! – Аҧшәма инапы иҟьеит:
– Ҭынч шьҭа сыҧсы сшьоит.
Аџьабaа шибаз
зегьы ижәбоит
Уажәшьҭа –
ирҳаз ҭынч ифоит:
ихaн ҕьаз-ҕьаз,
амалгьы изхара.
Афатә, ажәтә –
угә иаҭахи!
Уган амца иамҵaк атәара.
Еснагь ицкьаны
Угәи ухи.
Уҧҳәыс гьамгьамгьы –
Дкахәхәа.
Ақәла,
Аҩыза,
Ауа -еицырхәхәа,
О, мап, cа саxь акәым иахьаауа,
Ара иаҧшәымoу саpа сакәӡам.
(Узжьом, дад,
аpи лакәӡам.)
Аҧсҭазаара!
Сашьҭам иахьхаaу ҳәа,
Аҧха иахьҧхоу ҳәагьы сыҧшааyа
Сдәықәым. Амaл дугьы
саpа исxьаауам,
мап, yи акәӡам cа сзышьҭоу!
Ҽнaк сызизгьы yи азы акәӡам.
Ҧсшьарагь ыҟам саpа сзын,
аxан дугьы –
саpа сзықәлаӡом.
Еснагь,
аpи адгьыл сықәнаҵы –
сажәыз, сыҷкәыназ – шарҧазы
сyс сазнеилоит есымша.
Сныҟәоит,
сдәыкәуп,
сызтәаӡом,
сыцлабуеит, савасуеит аҧша,
смиааиргьы
ҟалаӡом.
Даcу ииҭаху иҳәалааит,
ала шуаз, аҽы ҳәлааит,
саpа ахьаҵpа сгәы иҭаӡам.
Аршәaа иаслааит аҧшагьы,
сыбжьы ҩҭызгоит: «Агаӡа!
Сацәшәо сыҟам саpа акгьы!»
Саашьацәхныслаp –
сыбҕаҕоит‚
аxа скаҳауам сеизҟьа,
сыбҕа ҩеиҵых
еиҭа сеиxоит:
еснагь – ҧхьaҟа!
Сымҩа цоит адәаxьы,
саҧpа шьҭыхуn еснагь,
yи иҭасуеит аҧша-ҕьы,
амҩа алздоит
xьабалакь.
Амҩа! Амҩа! Сызтәаӡом.
Амҩа, амҩа саpа исыҧxьоит,
Мчык сызкышагь ҟалаӡом,
ишьҭоуп амҩа саҧхьа.
Сшьаҿа дуқәа еихҳәауа,
сыдгьыл ахи-ҵыхәeи еимдауа,
инхаз
сымшқәагьы
мҧхьаӡо,
уахи-ҽынлeи сымтәаӡо,
махәарла
сыҧxӡы ҧхьаҳәо,
ирҧсасиyа
агәқyа ихаҳәхо,
сырнысуеит
амҩақәа зегьы,
«ҟоҳ» сҳәом yи азгьы.
Насу?..
Уаҳа сылымшаӡо cҟалар,
зынӡа сшьапы сзеихымго саанxар,
ачаала шьыжьы иарxыз аҭәеиҧш,
сынкаҳап амҩақәа рxаны,
Амрагылараxь
схы рханы.
Еиҕьу cа исҭаxым аҧеиҧш.
АҴААҴЛА
С. Есенин иҟнытә
Аҵааҵла шкәакәа,
Сxышә аxь иааскьаны,
Иҩнаҧшуеит суада,
Асы-хамы ашәҵаны.
Ибыбшxаз амахәқәа,
Ҵаала иxырҷаны,
Еиҵырxт рнацәкьарақәа,
Ачыхәқәа дыркны.
Игылоуп аҵааҵла,
Иҭынчӡа, еиқәшьшьы.
Ихьӡыркушәа, ас-цырақәа
Иуаркалеиyа иxшьуп,
Ашәаҧшьгьы, ҿымҭӡо,
Зегьы ирыxьӡаны,
Амахәқyа еиҭарықәҧcо
Ицоит араӡны.
ЏЬОУК ШӘАXЬ
Акгьы сҳәаӡом иахьа,
Ажәакгьы сҳәаӡом,
исылшо ҟасҵоит, ҧхьа
снеиуеит, сҳәазом.
Сыжәлаp рзыҳәан
Схы шьҭасҵоит. Аxа,
акы заҵәык сызшәыҳәо:
шәысҧышькламсын иахьа.
Саргьы исылшо ҟасҵоит,
сықәҧоит
«исылымшо» азгьы,
Ақәҧара иазыскуеит
сыҧсҭазаара зегьы.
О, сыжәлар ирыхәаша
Са исзыҟамҵар акы,
Ирымҳәартә: «Ахәаша,
Дахьымӡеит игәҭакы...
Зегьы дырҿын, аха
Иқәмызт,
Иамуит акгьы».
Џьоукыx,
ашьшьыҳәа рҿынаxа:
«Дыҩуан ҳәа ҳаҟoуп зынгьы...»
Акгьы сҳәаӡом иахьа,
ажәакгьы сҳәаӡом,
исылшо ҟасҵоит, ҧхьа
снеиуеит, сшәаӡом,
аxа шәаҧырҵ сажәеинраала,
шәаҟәыҵ шәаргьы сцамҩа,
исыҧшаауеит саpа схала
сыжәлаp раxь амҩа.
АЖӘЛАP РАЖӘА
Ажәлаp ааизан, хаҵaк далырxуан ҧызас.
Ажәлаp ҵааит: «Дҳарба, иумада ҩызас?
Уан дабaҟоу? Дааг, ҳналазҵааp ҳҭаxын...»
Абаp иҩызцәа!.. Ан дтәазаp акәхап лыҩны...
Аx, иан диxамшҭxьаз ахаҵа ҳәа иршьоз ауаҩы!
Ажәлаp еицҿакны ирҳәеит: «Мап, даҳҭахым!»
АЖӘEИ АУСИ
Ажәа – ажәоуп, алаф – лафуп, иуҳәар – ицеит.
Ашәҭ еиҧш, знык ишәҭит, нас – иканӡеит.
Аус ҟауҵар – ужәлар рмал иазурҳаит,
Ухьӡ казмыршәша аусгьы ҟауҵеит.
Аҩы бжьысыр – ибжьеихоит, аха ишәарҭаӡам,
уи аҩнаҿы иадырхәоит џьара рхы.
Ауаҩы дыбжьысыр – дҳаиуанхоит, дхәарҭаӡам,
ианҵәҟьагьы... дылҭахым.
АГАӠЕИ АҞӘЫШИ
Агаӡа дурҟәышырц уалагар,
ухаҭа угаӡоуп ҳәа уиҧхьаӡоит.
Аҟәыш дургаӡарц уалагар,
ухаҭа еиҳагьы угаӡахоит.
АУАҨЫ
Утәыла ыҟоуп азын иҭоуп уҧсы.
Ужәлар ыҟоуп азын иҭоуп уҧсы.
Идыр, ужәлар роуп изку уҧсы:
ушьҭырхып – уаҧсазар,
иухәҭазар – уршьып,
аха урылырцар уҧсы шҭоу –
уҧсы,
урцәымҕхар изуҿамҧшуа –
уҽшьы.
АЗҦШPА
Бааи, ҳаиҧылап хәылҧазык,
ҧxьан иаҳзеибымҳәаз еибаҳҳәарц,
ҧxьан иаҳзеилымкааз еилаҳкаарц,
бааи, ҳаиҧылап даҽа знык.
Xыxьынтә амза лашалап,
аҵx гәаҩажә yа иҿырҳаслап,
аҧша маӡа cа исыцәxаслап,
баpа ӡыбнaҟа быҧшлап.
Cа сажәа – бгәаҵанӡа имнаӡар,
баргьы бцәажәаp тәым бызшәала,
исҳәап еиҭа: «О, бманшәалаз!..»
Cа схьаақәа – саpа изӡап.
Мчыла бныскылом бара,
yс ҳаиҧырҵып, yс ҳаицәыӡып,
еиҭаx аҵxаҿ бышьҭа сцәыӡып...
Нaс – исҭаххаp
дыpҩегьых ббара,
еиҭа саҧхьап хәылҧазык,
еиҭа сгәыҕрақәа зегьы еизызгап,
аxәы снықәлан сыбжьы ҩҭызгап:
«Даҽа знык! Даҽа знык!»
Cа исыхәошәа «даҽа знык»,
баpа бааиpа – саpа сахьчошәа,
быбла рҭаҧшpа – саpа сахәышәтәуашәа
сазыҧшыхзаап хәылҧазык.
БАРА БЫХӘМАРУАН...
Бара быхәмаруан иара ус.
Бара дыббон уи даҽакала.
Ах, уи дызмада иахьа усс!
Уи дгәырҩоит иахьа ихала.
Ибҳәанда, дзыхҟьазеи ауаҩы?
Ихароузеи арҧыс, ибҳәанда,
Игәы ианаҳәазар: «Уӡырҩы,
абри лоуп, уавамхан аанда!»
Инасыҧ ибазар ба бнапаҿы,
Игәы быда царҭа амоузар...
Мап, исымҳәеит, ихы ихәаҽып,
ма ишьҭихып ҳәа амаузер.
Аха иара усгьы гәырҩак,
хьааны ицрыхо игәы иҭалеит.
Изхарада? Ибҳәеит ба дырҩегь:
«Сара акгьы схараӡам хаҭала!»
Бара акгьы иабымҳәеит, акгьы,
бара бҟнытә имоуит уи ажәа.
Аха игәыҕра ыӡуамызт мышкгьы,
еснагь иажәа балан данцәажәоз.
Игәы ус инарбеит: быстәуп.
Игәы ианаҳәеит: аӡәгьы ба быда.
Нас ихароузеи, уи ихы итәуп, аха игәы?..
Уи аҕәра збыркыда?
Бзиа бибеит – абри ами игра!
Бзиа бибеит – абри-ами уи ихалаз!..
Шәеиҧыларақәа? Ус быхәмаруан бара.
Иара дгәырҩоит иахьа ихала.
АҨРА
Ҽнак зны ҳҟәазгаӡа ҳнатәар,
ицо амш ҳаманы ицоит.
Нас, иацтәи амш ахь ҳагар,
иҧсқәаз рахь
ҳрыҧхьаӡоит.
Убри азын акәхап, ҳаауеит.
Зегь ҳаивасны, аҩра ҳаҿуп.
Ажәҩан-саркьагьы
џьара иҧҽуп.
Уа, иааҟәымҵ,
асы-мацәыс аҩуеит.
Ҳамшгьы зны илашоуп,
зны – ишәшьуп.
Даҽа зных –
илеиуеит ақәа.
Ҳаеҵәа нахьхьи џьара ихшьуп.
Иаабеит уи ацәаара,
ианыхкәа.
Аха ҳазнеицҧхьаӡа, иара,
цас иҟанаҵошәа,
наҟ инаскьоит.
Еиҭа аҧҭақәа инарылаӡ ицоит.
Џьит ҟанаҵошәа,
ҿымҭ аҽаӡоит.
Аха аанҿасрак ҳақәӡам ҳаргьы, –
аҽыҩқәа реиҧш,
ҳаауеит, ҳаҩуеит.
Уаҳа наҳалымшаӡо ҳааҧсоит.
Аха ҳаангылар –
амацәыс ҳаҩуеит.
Ҳаанҿасыр знык –
ҳаҧсуеит.
Убас акәхап ишныҟәо апланетақәа.
Убас акәхап ҳ-Адгьылгьы шыҩуа.
Иаанҿасыр – уаҟа зегь ҭахоит.
Нас –
ҿыц адунеиқәа аҧҵатәхоит.
Ҳанцәагьы,
илшартә еиҧш,
деибыҭам хшыҩла.
Нас игьежьуеит,
игьежьуеит зегьы.
Ҳархагьежьуеит ҳаргьы
ҳлырақәа,
хазы ҳабацо нас,
зегьы ҳрыламкәа!
Агәҭынчра
ҳа иаҳзааиуам мышкгьы.
Агәҭынчра
ҳара ҳзын ишаӡам.
Нас Сасрыҟәагьы
мҩакы дануп.
Саҭанеи-Гәашьагьы
аҽҳәаҿ дтәаӡам.
Абрыскьыл иҳаҧгьы,
игәашәҭ,
иҭацәуп...
Иҩуеит зегьы.
Аҧсҭазаара азакәан:
аҩра! аҩра! –
Аанҿасрак ҟалаӡом!
Иулымшаша – улырша!
Умчқәа еизыркәкәа!
Амҩа хароуп.
Амҩа нҵәаӡом.
ҞРЫМТӘИ АГӘҬАХӘЫЦРАҚӘА
Атриптих
1. АИБАДЫРРА
Ах, Таврида, Таврида,
умҽхәан зынӡагьы,
иуздырӡом Колхида,
суздырӡом саргьы.
Ашьхақәа ирхылҵыз,
ашьхақәа рҧа,
иазымшьыз, иазмырӡыз
аамҭа ацәқәырҧа,
са схьаақәа здыруа
дмаҷуп иахьа,
аха сҟама цҳафыруа
ишьҭысхит ҩаҧхьа.
Иубазар уара «Арго»,
уи иашьҭаз Аҧсырҭ?
Медеиа лакәым инарго,
ирӡеит урҭ насыҧк.
Атәыла зегь шьҭызхуаз,
изыхьчоз адоуҳа...
Ах, Таврида, Таврида,
Са исҳәо урҳа.
Ах, иӡуам ашьа-баа,
иазыцҟьом аурҭ.
Иахьа сгылеит шьоура,
са сами Аҧсырҭ.
Аамҭақәа среибашьуеит,
схьаҵуам аказы.
Нас аиааира сыманы
схынҳәып хәылҧазык.
Ах, Таврида, Таврида,
суздырӡом сара –
са сами Колхида,
угәыла хара.
2. ҞАРАДАГ АМҴАН
Акыргьы сааскьеит, иубома, Карадаг,
аха ушықәсқәа рымшын сара сзыруам,
ушҟа схазгало амҩагьы сыздыруам,
Карадаг, саргьы ухыцәқәанӡа сҩаг!
Еимыздароуп иахьа уҿаҩақәа зегьы,
исыцәдырӡыз акы абраҟа исыҧшаароуп,
иаҭаххозар, даҽа шәынтәгьы саароуп,
Карадаг, уақәныҳәа сымҩа уаргьы!
Мап, иласымҵаз аасрыхырц саҿым,
саарыхҩым сара, сызҿу лаҵароуп,
жәла бзиак сызҟьар –
сынасыҧ иароуп.
Ара сгылоуп, Ҟарадаг, ушьапаҿы.
Уаҕа сакәушәа, са сышҟа умҧшын,
ма сқәылаҩушәа схы збо салагоит.
Ах, сзалымҵуа уцәқәырҧа салахеит,
Евқсинтәи Понт – са сымшын!
Зегь збеит, исаҳаит –
сдагәам, слашәым, –
нас башагьы сгылам иахьа абраҟа –
рхақ рхысхуеит
умшқәа идыргәаҟуаз,
урҭ ашықәсқәа иршәысхуеит ашәы.
Уара уҟнытә исҭахӡам сара акгьы:
уалкгьы сашьтам, малкгьы сашьҭам –
избозар ҳәа ауп абраҟагьы сашьцәа,
Карадаг, уақәныҳәа сымҩа уаргьы!
Акыргьы сааскьеит, иубома, Ҟарадаг,
аха ушықәсқәа рымшын сара сзыруам,
умаӡақәа рахь сназго амҩа сыздыруам,
нас, сыгәра ганы, уахь саргьы снаг.
3. СИЕҴӘА СЫҦХЬОИТ...
Са исҳәо – амшын иаҳаӡом.
Иарҭынчуам амшынгьы гәалак.
Ах, тавриатәи аҵх лашә аҽалак
са исыжәлеит цәқәырҧак, ишәаӡом.
«Уарбан? Уабаҟаз?
Уаазгазеи ара?» –
аҵх иаланы, бжьык саҳауеит.
Са сымҩала ашьшьыҳәа саауеит,
сымҩасҩуп сара.
О, сыдгьыл ҧшӡа
сымбацт сызхара.
Амшын ала абраҟа сыӡхыҵны,
абарҭ ашьха цәҳәырақәа сырхыҵны
сцоит хара.
Сшьапы аҵаҟа сымҩақәа хеит.
Мҩакаҿ исцәыӡит сқәыҧшра, сҿара.
Гарак уа, сышьтахьҟа, инхеит,
иҧшуп кәыбакгьы саҧхьа џьара.
Мафусаил са сакәӡам, о, мап!
Сықәра сеидара аиҳа еиҵоуп.
Сымҩа санықәлазгьы Иацоуп,
сымҧсыр –
Уаҵәынӡагьы снаӡап!
Нас, сымра, сханы улашала.
Снумыжьын. Еҵәакгьы инасыҧха,
саҧхьа иҩагылеит. Уи сыҧҳьоит:
«Уцала! Уцала! Уцала!»
АИАШЕИ АМЦИ
...аҧсуа
ичеиџьыка
длаҕрагыланы,
акькьыҳәа дшәышәуа
дымцаӡац аӡәгьы...
А. Лашәриа
Уи ажәытә лакә иаҳәо зегьы мцуп:
лтәыла кажьны, Медеиа дымцаӡеит,
уа, амҩан, Аҧсырҭгьы дрымшьӡеит...
Уи ажәытә лакә иаҳәо зегьы мцуп!
Ашықәсқәа иргәылсны,
игоит иахьагьы:
«Ижәдыруаз, сара хьымӡҕык сымгаӡеит,
аӡәгьы симжьаӡеит,
аӡәгьы симыршәаӡеит!..» –
Ает ибжьы гоит,
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 06
- Büleklär
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 01Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3391Unikal süzlärneñ gomumi sanı 21630.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 02Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3250Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20140.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 03Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3353Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20790.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 04Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3330Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20590.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 05Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3194Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20940.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 06Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3210Unikal süzlärneñ gomumi sanı 18620.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 07Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3261Unikal süzlärneñ gomumi sanı 19560.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 08Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3294Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20210.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 09Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3201Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20510.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 10Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3265Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20300.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 11Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3262Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20220.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 12Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3318Unikal süzlärneñ gomumi sanı 20660.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 13Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3374Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23410.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 14Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1135Unikal süzlärneñ gomumi sanı 9090.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.