Latin

Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 03

Süzlärneñ gomumi sanı 3353
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2079
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аҟәақҳәа иласын, иҧш зегь рлагеит,
ижә-иҳәыс, ицә-мыцә имаз ак нырмыжьит,
аџьыка рҭаҧсаны, рцәақәа неиқәрыжьит.
Имҿҟәарагь ар рымца ду еиқәнаҵеит,
ақәаб нхаргылан, абысҭа ҟарҵеит.
Нас аҳаҳаиҳәа илатәан,иржәит, ирфеит,
қыҭак иаадрыхыз уахык ала ирфеит.
Нас инықәлан ицеит зегь

ашамҭаз рыҩныҟа.
Сызхара сфеит ҳәа
аҧшәмагьы дгәырҕьаҵәа дыҟан.
Ах, саргьы сақәшәеит уи ахҭыс –
исфеит, изжәит.
Аха иҧсхәразу, ичаразу сзымдырит,
ироуӡаны сшәышәит.
СҲАҚЬЫМ ЛАХЬ АШӘҞӘЫ
Сыҧсуа џьыбшьо, чымазарак схы иласны,
ус, мап, сазгом сара акы.
Иҟалап, ажәеинраалала схы еиласны,
аҭыҧ зынӡа иқәҟьар мышкы.
Схы ахьызгара сзымдыруа, цас сыргәаҟуа,
сакып ажәеинраала-ҿкы.
Ахәшә, са исыхәаша, ибҳәандаз, иабаҟоу?
Ус ибзыҧшаару акы?..
Убри акәхап, нас, сызлымго ачымазара,
убри акәхап сзырҭынчуагьы ҽнак.
Афы асааит, иабаҟоу ибзиоу чымазарак,
аха исҭахым сара даҽа ҧсрак.
Сыҧсуа џьыбшьо, чымазарак схы иласны,
усҵәҟьа сазгом сара акы.
Иббап, нас ажәеинраалала схы еиласны,
аҭыҧ зынӡа иқәҟьашт мышкы.
АУАҨЫ
Утәыла ыҟоуп азын иҭоуп уҧсы.
Ужәлар ыҟоуп азын иҭоуп уҧсы.
Идыр, ужәлар роуп уҧсы:
ушьҭырхып – уааҧсар,
Иухәҭазар – уршьып!
Аха урылырцар уҧсы шҭоу – уҧсы!
Урцәымыҕхар изуҿамҧшуа, – уҽшьы!
АҦСНЫ
Афырҭын уажәы иууеит џьара.
Ӡными! Аха аӡын ара имчыдоуп.
Асгьы ҳамбацт. Еснагь, с-Аҧсынра,
Амра шаҧшаҧуа уханы икыдуп.
Сыдгьылаҿ ҩ-аамҭакы еиҧнуп,
Иагьанаалоит, аимакгьы рымам:
Аӡынгьы ааҧнуп! Ааҧынгьы ааҧнуп!
Аҧснгьы ааҧнуп! Ишәҭуеит зегь рыла.


***
Гаӡак иузиузар шьапҿаршә,
Иувымҟьазар гаӡак инаршә,
Зегь рызгәаара иаҧсам, мап,
Уус ҟаҵала – ужәлар урбап,
агаӡа игаӡара дагап.
АХЫЛҴШЬҬРА
Ашәҭ иаҳәеит: «Сара – сынцәахшоуп!»
Ишьҭнахит ажәҩан ашҟа ахы.
Ах, арахә уац ауп изыхшаз,
ижәба: илагылоуп шьамхахьы!
ИҞАМЛАӠАЦ
Ииҳәараны иҟаз зегьы иҳәеит.
Уи ииҳәаз – иҳәаҵәҟьеит. Иҳәеит.
Шьҭа ихәарҭам ак сҳәар аҵкыс, иҳәан,
Аҩра даҟәыҵит. Аҧхьаҩцәагьы «ҭабуп» рҳәеит.
АПОЕТ
«Узусҭада?» – анырҳәа, «Споетуп!» – иҳәеит.
Ауаа: «Шәиҟәаҵ, уи дпоетуп?» – рҳәеит.
Ажәҩан ахь дхалт, издыруам ииурагы.
Дышуаҩыз ихашҭит. Ицәыӡит иуаҩрагьы.
ЕИУЕИҦШЫМ АРАЗҞҚӘА
Ажәцәеимаа ҽхәон: «Адунеи ҳакушеит!»
Аҟармыгәқәагьы ҵәуан: «Ауама ҳақәшәеит!»
Ажәцәеимаақәа ахаан мҩа рыцәнымхаӡацт,
Аҟармыгәқәа шамахамзар шҭак инҭымшәаӡацт.
БЗИАБАРАК АҬОУРЫХ
Ахра бзиа иабеит аӡыхь.
Аха Ахра ажәҩан иалан хыхь.
Еснагь еихәлаччон ҵаҟа аӡыхь.
Еснагь иҵәуан Ахра хыхь
Ианазымчҳаӡа,
иаӡбеит ҽнак:
Иҟасҵап Аӡыхь ашҟа шьаҿак.
Инақәацеит…
(Иччон ҵаҟа Аӡыхь)
Агәараҳәа
иақәҳаит Ахра хыхь.
Уи нахыс
изымччеит уаҳа Аӡыхь.
АҦСРА-ЕИҬАҦСРА
Ирҳәеит ауаа: «…дыҧсит, лҳәеит иҧҳәысгьы»
Ирҳәеит ауаа: «…дыҧсит, рҳәеит игәылацәазгәы».
Иҵаауан ауаа: дарбану, мшәан,уи иҧсызгьы?..»
Иҵаауан ауаа: «Абра, ҳагәҭан, дгылаҵәҟьазма?..»
***
Бааи ҳкәашап, аҭыҧҳа,
бааи ҳкәашап ҧсуаҵас!
Ҳхьаақәа зегь ҳкәаҳап,
ҳкәашап ҳгәалақәа рцас.
Ҳаҵәцақәа еснагь иҭәызарц
бааи ҳкәашап, аҭыҧҳа!
Ҳанасыҧ еснагь иаҳтәызарц
бааи ҳкәашап, аҭыҧҳа!
Ҳразҟи ҳареи ҳаиуацәазарц
бааи ҳкәашап, аҭыҧҳа!
Ҳазҭаху еиҳа ирацәазарц
бааи ҳкәашап, аҭыҧҳа!
Ҳаҧсра еснагь иуаҵәызарц
бааи ҳкәашап, аҭыҧҳа!
Ҳдамра еснагь иҭацәызарц
бааи ҳкәашап, аҭыҧҳа!
Бааи ҳкәашап еинышәҟьа!
Шәымгәырҩан аӡәгьы –
ҳазқәыкәашо
абри анышәҵәҟьа
ҳашҧагари зегьы!
***
…Ақәа алагахп еиҭа.
Нас – аӡқәагьы хыҵып.
Акгьы сацәшәом, уашәшьҭа
саргьы сымҩахыҵып.
Хьаа сымамшәа сара,
сгәалақәа скәаҳаит.
Исыҧхьоит быхәшҭаара,
ибҳәазгьы саҳаит.
Ақәа алагахп еиҭа.
Нас – аӡгьы хыҵааит.
Бынсыжьуазар уажәшьҭа,
мышкгьы схымҵааит!..
Амала, еиҭах шьыжьык
амацәыс сара исыҧхьар,
ибысҭаз ажәагь сықәҟьар,
исзыбмырган быбжьы –
Ҿымҭ иҳәа:
«Уи днасыҧдоуп, изшазаап ус разҟны!..»
Избан, нас, ҭаха сыбҭом,
ицәгьоуп сҳәама бара бҟны?!.
СЫНАСЫҦ
Аҵх лашьцан. Амҩа ҿҟьара,
сыжәҩа кны, сылбаабгон.
Аҵх лашәын. Ҳахьыҟаз чаран,
маҷк сшьапгьы еилагон.
Аха, мап, џьаргьы сышьҭамсит,
хыла са самысит бнакы,
амҩаҿ амыҕ ҩаҩа сҿамсит –
бсыцын, сахьчон ба бнапы.
Аҵх лашәын…
Аамҭа ҳҧырҵит.
Имоухьеи ҳҩызагь ахәыҷқәа.
Аҵхаҿ усҟан сҭынчра сцәыӡит,
иахьа еиҳа еилагоит сшьапқәа.
Ибылшозар – еиҳа сеицәоуп,
уажә еиҳа исҭахуп бнапы,
уажә сгәырҩа еиҳа ирацәоуп,
уажә еиҳа ихьанҭоуп сшьапы.
Усҟан скаҳар – сқьышә схәахәон,
аха мышқәак рышьҭахь иҕьарын.
Иахьа скаҳар – сгәы хәахәап,
ашьа ахьшы, уаҳагь иччарым.
Аҵх лашьцан. Амҩа ҿҟьала
сылбаабгеит, исмырхь акгьы.
Усҟан ладан. Уажә ҩадароуп,
быда маҷк сааҧсеит саргьы.
Нас, бсыхәозар – иахьа бсыхәа:
еиҭа бысзааи?
Бнапы сыркы!
Нас сгәырҩақәа ирысҭап ҧсыхәак,
нас – сҿазаап ҳамҭакы.
Сызнымсыц амҩақәа сырнысып,
сусқәагь срылгап инагӡаны.
«О, самжьеит сынасыҧ!» –
Исҳәап усҟан:
Насыҧс ба бааира ҧхьаӡаны.
***
Ишҧабасҳәари?..
Исыздыруам,
цқьа исзымкит сажәагь ахы.
Бзиа бызбоит, аха суазыруа,
бкалҭ сахьынҳаларгьы сҭахым.
Ба быда сыҧсҭазаараҿ сылахарц,
иаҳҳәап, амҩан ҳәынҵәак сзыҧшуп,
аха, мап, икаҭәом уа сылаҕырӡ,
сбыхьчарцаз,
иббарцгьы сзеиҧшу.
Ишҧаҟасҵари?..
Исыздыруам,
цқьа исзымкит сажәагь ахы.
Бзиа бызбоит, аха суазыруа
сылаҕырӡ сзылаҭәом бшьамхы.
Ма сбқәыларцу, ажәа ҟәандала
бысшьаҳарц,
иҭысҟьарцгьы бхы?!.
Ма скылҧш-кылӡырҩуа аандала
бгәы сашьҭаларцу?..
Мап, исҭахым!
Бзиа бызбоит –
сара сзын быҟамзаргьы,
о, аӡәгьы быда дысҭахым!
Аха баргьы са сзын ас быҟамзар,
бымҩа сангылом,
изжып схы…
***
Бызжьеит!.. Ус ауп бара ишыбҳәаз,
сужьеит ҳәа бгәааит сара сзын.
Мап, сгәы знык иааилашын ҳәа,
«бысгәаҧхеит» сымҳәеит хәылҧазык.
Сцәаныррагьы кырынтә иҧышәан,
сгәы сшажьоз збеит схаҭагьы.
Ашҭахь ҵхыкаҿ ҳҩыџьегь ҳаинышәон,
сгәы иҭақәаз басҳәеит зегьы.
Сыгәра бгеит. Ус ами ишыбҳәаз,
быгәгьы аабыртит сара сҿы.
Иҟало аабап нас, ҳааҧшып ҳәа
аҵхаҿ уа исҿаччон бхаҿы.
Сымҩа цәгьан, аха сгәы касмыжьит,
уи бара боуп – бычҳара маҷхт.
Мап, ибымҳәан, сара бнысмыжьит,
аха сымҩа сцәыхарахт маҷк.
Сара сзымласит. Бара бгәаан,
ҳаҵх заҵә иахьыбшьит аҵәаҕәа.
Мап, бара бзыҳәан уи хьаам,
бынхарым усгьы беиҵаҕәҕәа –
ибхашҭып зегьы. Зегьгьы мҩасып.
Бынасыҧгьы ббашт иразӡа.
Са сымҩа саныз. Саанҿасыр –
иӡып уа сынасыҧ зынӡа.
Бызжьеит!.. Ус ауп бара ишыбҳәаз,
сужьеит ҳәа бгәааит сара сзы.
Ибдыруамашь, быда насыҧ ҳәа
шьҭа акгьы шысмоуа хазы?!.
АГӘҬЫХА
Аҿыҧшра

Аҧҳәыс лышықәс-ҽыҩқәа шцаз лдыруеит,
дабылуеит уи гәҭыхак есымша:
хара инлыжьыз лқыҭа лныруеит,
абаҳча шәҭыш, уа иҭоу аҧша.
Лыҧхыӡ иалоуп, лҭынчра дырӡит,
даазгаз амҩагь лыҧхьеит: «Бласы!»
ус лыӡбауан: «Ашьшьыҳәа сындәылҵып,
сцап уахь
ааҧынраказ хәылҧазы».
Аха еснагь аҧҳәыс ак лҧырхаган,
акы дакыхуан уи дшьаҳа:
ма аусқәа ируамзт – рыҽдырхагон,
ма илҭаххон хлаҧшрак аҧҳа…
Мап, уи ҳәатәхамҵак лакәӡам, лакәӡам,
аха лхы доужьцәоушәа

лбон ан зны.
Насгьы, зегь ҳҿазҳәо: «иахӡо-иақәӡуа» –
ах, абригь дакуан ан дшьаҳаны.
…Аҧҳәыс лыда ишәҭуан абаҳча,
ла лыда иканаҧсон абҕьгьы.
Ишыҟаиҵалац аиҧш, ишәыр баҳча
аб-алыгажә иҵиргәахт уажәгьы.
Нас аҵәақәа, инеигәҭас-ааигәҭасуа,
Азҳара иаҿуп, иаҿуп, иаҿуп…
Аҧҳәыс дзыцәом.
Лықәрагьы лызцасуеит,
ианыҧшит гәҭыхакгьы лхаҿы.
Ақалақь ҭынчхеит, ацәа аҽаҭан.
Еиҭа абаҳча шәҭышхеит хараӡа.
Уи ан ҭаха лнаҭом,
абар-абар, ҧсшьара дцашт зынӡа…
Аха лышқәсқәа иҩ-еивас имҩасуеит.
Иауам, ма дзымцеит лыҽӡангьы.
Арахь, абаҳча шәҭыш лхышә инасуеит
ҧхынгьы-ӡынгьы,
ҧхынгьы-ӡынгьы.
***
Бара ибҳәеит: «Абзиабара мцуп!»
Бара ибҳәеит, абзиабара ҧсхьеит ҳәа.
Аҧсҭазаареи абзиабареи еицуп,
изҳәада, нас, аҧсҭазаара нҵәахьеит ҳәа.
Иалшоит, ауаҩы дшыҟоу, игәы ҧсыр.
Гәык изҭамкәа, аха иҟоуп ихьшәашәаӡа.
Аҕаџаҳәа дцәажәоит уи ауаҩҧсы,
аха ибом игәы шаҩызахаз ашәаӡа.
Иҭаҭаӡа, уи хьаакгьы азшам,
џьаргьы еихом, мап, акгьы иашьҭам.
Ах, уи ауаҩ имбеит ианизшаз,
инхогьы лашьцароуп уи ишьҭахь.
Уи иоуп изҳәаз: «Абзиабара ҧсит».
Уи иоуп изҳәаз: «Абзиабара ыҟам».
Избанзар иа ихаҭагьы дыҧсит,
иа ихаҭагьы дыҟоушәоуп дшыҟоу.
Баныҵ уи амҩа, џьаргьы багаӡом,
алахынҵацәгьа иус бзиарак алҵуам.
Арахь, арҧыс ҧшӡак игәы быҭҵәаӡом,
арахь, арҧск иҧхыӡ ба бизалцом.
Абаҭаа иеиҧш, уи зны бнымҵаирсп,
апоет и-Лаура леиҧш, ашәа бзиҳәап.
Ҽнак уи бхьаақәа зегь наҟ иҧхаирсп,
адунеи дықәзаап, нас, бара бзыҳәан.
Ибеиҳәап арҧыс имӡакәан зегьы,
биазҵаа бара: «Абзиабара ыҟоума?»
Дхагам, игәра га уи арҧыс баргьы,
абзиабара лашоуп дназго быҩныҟа.
***
Абаҳча ашәшьыраҿ ашьац ҧшқами, ибымбахьеи бхаҭа,
бааи ҳаиҧылап ҩыџьа, шьҭа бҭыҧҳами,

сзымҳаи саргьы шьҭа.
Уи аҵх ҩыџьа ҳхала иҳамаз, бгәы иамыхәо ак ҟасҵом,
еизысцоит уи абаҳчахь аҟармаҵарақәа зегь ҧхаҵо:
ишәаҳәалааит, нас, уаха шаанӡа, бырзыӡырҩлап бтәаны,
сынасыҧ саркәашап, сыхгьы зымбашеи усҟан сынцәаны.
Бхы нықәыбҵар бҭахызар, иахьа цәгьа бааҧсазар, ибымӡан:
ибысҭап хызас ажәҩан-гәы, аа, амза-ҭәы – ибыхчынҵа!
Нас – быцәа! Быцәа бгәы раҳаҭны, аҧхыӡ бзиақәа бала!
Шьыжьтәи ашәаҧшь иалхны шьыжьӡа

ибшәысҵап ҵкык бара…
Ҳбаҳча шәҭышаҿ бааи ҳаиҧылап амза ангылоу, хәылҧазӡа,
ҳбаҳча шәҭышынтә сыҩны ахьгылоу, ибдыруаз, ихараӡам.
АГӘҼАНҴАРА
Уи амҩала бымныҟәалан, бымныҟәалан,
уа ҵхла амҩа кны стәами сара!
Уи амҩала бымныҟәалан, бымныҟәалан,
иббап: знымзар-зны исылшап бӡара!
Адгьылгьы ӡыӡап, ажәҩангьы мацәысып уа,
аха, схьамҧшӡакәан, са бсыма сцалап.
Бабгьы, дыҩдәылҵны, агәыз-гәызҳәа дхысып уа,
лхы кны, арҵәааҳәа бангьы дыҳәҳәап.
Башьцәагь сышьҭалап, апҟаҩҳа иҽыжәланы,
баҳәшьцәагь сышәира иаҿыз ихаҵа…
Бымгәыҕын зынӡа, быргап ҳәа исыжәланы,
изалшом, иҟалом ус, ихаҵа!
Еиҕьми, нас, бхала снабгандаз быҩныҟа, уа
баб имӡакәаны иасҳәон зегьы…
Ах, сымҩала бымныҟәалан, бымныҟәалан,
иакәым ак сыбмырҟаҵан саргьы!
АМШ-ЦӘГЬА
Аҿыҧшра

– Ба бзыҳәан сааит, сҭыҧҳа ҧшӡа, бгыл! Ашә сзарты –
амш цәгьоуп, ах, слаҳәит!
– Сымца ҧсит, сцәашьы блит, сышьҭалахьеит, сгәахәтәы,
уҧацхахь ухынҳәы!
– Ажәҩан гәамҵит, адыд хысит, аҭыҧҳа ҧшӡа,
сшәар – сыҧсып, сшәар – сыҧсып!
– Утәаз абарҵа, саргьы сшәоит, ахаҵа ҧшқа,
амш ҳазҧшып, амш ҳазҧшып!
Абар, ишоит, амшгьы еилгеит, аҭыҧҳа ҧшӡа,
шьҭа бгылан ашә сзарты!
– Амш еилгазар, уҩ, сымш! Уҩныҟа уца,
ара дсымоуп сара стәы?
***
Аҵх цоит икаууа. Аҵх ҿаҳауп.
Аҵх ҩызас исымоуп сара.
Абар, бышәаҿ сгылоуп, ибаҳау,
есуаха сыҟоуп абра.
Исҭахуп исыхьчаларц быцәа,
сара бысцәымшәан, аҭыҧҳа,
ибылшозар – сара сеиқәыцәом, –
ашә иабмырклан ацаҧха.
Сыҩналом уа
ҭыҧк сызҵәахызарц,
ма бсыргәашарц,
савҵхо бнапхыц –
ибықәыҩрны идәықәлар ахыза,
сҩахап. Исыршәҭып быҧхыӡ.
Иҳахьчалап
аҵхи сареи бынасыҧ,
иӡаны изгарым уи аӡәгьы!
Ашамҭаз са сцап,
аҵхгьы ниасып,
нас амра бхылаҧшып баргьы.
Аҵх цоит икаууа.
Аҵх ҿаҳауп.
Аҵх ҩызас исымоуп сара.
Абар, бышәаҿ сгылоуп…
Ибаҳау:
сгәы ҩнакуп буадаҿ убра!..
ХҨЫК АХАЦӘА
Аҿыҧшра

Хҩык ахацәа, афырхацәа, бџьарла еиқәных,
ашьха илбааит.
Хҩык ахацәа, афырхацәа, раҳәа-рҟама ҭых,
иазнеит абаа.
Инхон уаҟа аџьныш, аҩсҭаа, амаҭ, атқәа,
инхон абгақәа.
Ижәылеит хҩык… Иӡыӡеит арха, адәқәа,
иӡыӡеит абнақәа.
Хҩык ахацәа, афырхацәа, аҧхӡы рҿашы,
иҭалт абаа.
Хҩык ахацәа, афырхацәа, ашьа каршы,
иргеит абаа.
Аамҭа цон. Хыхынтә алаҳә ҟырит ҽнак:
«А, иаауеит шәыҳәсақәа!»
Хҩык неиҿаҧшы-ааиҿаҧшит. Ирзымҳәт ажәак,
аус мариам ишышәҳәақәо!
Нас – ишзахәоз иҵҟьеит. Хыла абна иасит,
ирҿасызшәа аурҭ.
Еиҳа ихацәада, ифырхацәада, афы аст,
ишәҳәандаз шәарҭ?!.
АРЕДАҚТОР ИАЦӘАЖӘАРА
Алаф

Урмеигӡан, аредақтор, абҕьыцқәа,
исыҭ адаҟьақәа шәкы!
Исымоуп ажәеинраала ҿыцқәа,
исымоуп иазкугьы жәкы.
Жәы абаак ҳаман ақыҭан,
ааҧын иахьышәҭло аҳәаса.
Иаашар, амардара икыдын,
ахала иарҭәуан ақьамса.
Ахала иаауан нас аҩныҟа,
ахала иҭалон агәашә…
Уи еиҧш ажә,
о, мап, зынӡа иҟам,
изымбацт еиҧшу ааигәа ажә.
Ус иҟан:
Иахагылан ҩ-тәыҩак,
Иаҵагылан ашьапқәа ҧшьба…
(Изӡарым,
уакәым уара тәым уаҩык,
иахьа исымҳәар –
ианба?!.)
Издырхуада, амҩа ацәыӡма,
ма ус ишазу алахьынҵа –
уахык ирыжәжәеит ақәыџьма,
иҳамбеит ахабаргьы зынӡа.
(Усыдмышшылан, аредақтор,
изаҭахузеи!
Аа, хымшуп, ибаӡом счабра!
Усыдмышшылан, аредақтор,
изӡатәузеи,
уи азыҳәан стәам сара абра!)
Абзиабаразгьы
ажәеинраалақәа сымоуп –
сшыцәаз дысҧымлеи
ҭыҧҳа-хҵәак.
Макьана исеиҳәом уи лаб: «сымаҳә!»
Аха изҩит ашәақәа х-ааҵәак.
Аредақтор,
урҭгьы цқьа урыхәаҧш,
ирылахеит урҭгьы сыҧсы зегьы.
Аҧхьаҩцәа еиқәыцәоит, урыхәа –
икьыҧхь сажәеинраалақәа зқьы!
Соужь!
Сҭаҵа удаҟьақәа рқәаҵа!
(сашәагьы, ҭынч уа уилап.)
Сышпоету ибандаз уи ахаҵа,
сышпоету ибандаз уи лаб!
Нас исеимҳәарызи «Сымаҳә!»
Ихала дсиҭон иҧҳа: «Усҭ!»
Ирацәаны
ажәеинраалақәа сымоуп,
икьыҧхь, аредақтор, аф уст!
Уааха, урмеигӡан абҕьыцқәа,
исыҭ адаҟьақәа шәкы!..
Сыжә аҧсаҭа аныс… аҿыцқәа
сызкьыҧхь ма…акы?

70-тәи ашықәсқәа

ДАҼА ҦСРАК
Алегенда
Нас Анцәа Каин диазҵааит: дабаҟоу Авель, уара уашьа?
Ус иҳәеит: исыздыруам: хьчасы сашьа сицума сара?
(Абзазара, 4:9)

Ауаҩы иашьазаҵә дҭахеит,
дхәаҽны агәырҩа дакуп.
Ауаҩы иашьада дынхеит,
иқәацәгьы алахь еиқәуп.
Иааиуеит ауацәа, агәыла,
аҳәса,
ирықәҧсан рыхцәы,
рашьа днаскьаргоит ихагыла,
анышә дагоит иахьа аӡәы.
Аешьа иҟаиҵара издыруам,
ихы кыдиҟьар – дыҧсып…
Цәгьа дгәаҟуеит,
дуазыруеит,
иҟырҟы икылахеит иҧсы.
«Зҿумҭуазеи?!.
Иуҳәаӡом ажәакгьы,
иқәысхуазеи уда адунеи!
Иҟаумҵан сныжьны шьаҿакгьы, –
дҵәуа акәыбахь уи днеит. –
Саргьы сга уахь, саргьы,
ҳқәацәгьы ашә адыркып.
Ҩыџьа иҳазхап адамрагьы,
дамрак ҳҩыџьегьы ҳакып…»
Иҿыкьаса илаҕырӡ каҭәон,
иамамызт ҳәаакгьы игәырҩа.
Аџьар
«ихараҭ бзиаз» рҳәон,
Нас инаҳәуан наҟ зымҩа.
Рлазаҵә гәрымуа, иҟууа,
ахәцә икылахазшәа агәал,
аҵыхәа аужь,
алымҳаҵә харҟәыла,
иабоит гәырҩак шҭалаз агәарҧ.
Абар, амра жәҩан-гәы ианыҵит,
аҧсыжрагьы ааигәоит, абар.
Илаба кны, аешьа дынҭыҵит…
Иныжьны дабацо уи агәарҧ?!.
Лада дынҭалеит акәара…
«Ҳаи!..
Уицәымҕуп Анцәа!» Маҭ дук,
иаалҵын аиқәара,
аҿаанахт,
имҩа ааихҵәа.
Иаразнак,
иамҭакәа ацаха,
ахаҵа имҩаниҵеит илаба.
Амаҭаҧшь ахәамц ҩеиҵнахит,
амҩаҿы икажьуп,
абан.
Ахаҵагьы
наҟ зымҩа давсит,
иныларшәны абна ижьцәа.
Дхынҳәуан нас,
Абна даалҵит…
«Ҳаи!
Уишәиааит уаргьы Анцәа?»
Иааиуан,
абнаршәыра илҵны,
еилаарцыруа, ҽа маҭкы.
Изҿҭуам.
Дгылоуп ҳамҭакы.
Ҧхыӡума?!.
Ицоит игәы ҭыҵны.
Бҕьыц хәыҷык
(ирҵарт илаҧш!)
амаҭ ишьҭаз иахьнашьуан.
«О, Анцәа, Анцәа! Уаҳхылаҧш?..
Сеилагама?!. –
Илахаҵ гьежьуан.
Амаҭ ҧсы ааҳәыцы-мыцит,
иҧсыз иахалт еиҭа аҧсы.
Илаба шимчыз имҩаниҵеит:
имгар ҟалом уи –
дымҧсыр!
Аа, уҽгәаҭ!
Иҭҳәа хы-бзык,
ахаҵа игәыдлеит амаҭ:
ма дашьыр ауп иҧсып!
Аибашьра.
Ихәоит амаҵә.
Ауаҩы ихәлачит иҧсыҧ.
Илаба иҟьоит аарла-аарла,
ибоит изхом имч-илша.
Иҧсызгьы аҧсы ахалан,
Ижәлеит, аа, икшарц.
Имч еизигоит кәара-кәара…
Абра сыҧсырцу, о Анцәа?!
Аха ила аакылҟьан уа,
иакит иамҵас ахәдацәа,
нас еицҭалеит
лада акәара.
Еизга ахаҵа имч илаз,
илаба мҩаниҵеит,
дааҭгылеит…
Аҽыҩеиҵнахит амаҭ. Ирлас
аҩныҟа амҩа уа данылт.
Ашьҭахь лассы,
акәара рӡыӡо,
аҧсҭазаараз еиқәҧон ҩ-ҧсык.
Хара имгакәа ала ҩцәырҵит,
ашьа ахьшы.
Аарла иҭан аҧсы.
Иааҟрым-ҿрымит имақаршәа,
аҧхьа икажьын амаҭ ҧсны,
алабашьагь
насҭха икаршәын,
аха дыҟамызт уа
ауаҩҧсы.
Зегь адырзаап ала рыцҳа,
аҧшәма ихьымӡеит иласы –
игәагәо,
ашьа бызла ирыцқьо,
ақәацә иавсны ицон хазы.
Анышә зыҧхьаз –
анышә дарҭеит.
Ахала аҵх ҭахеит агәарҧ.
Ауаҩы иҭааит гәырҩа гәарҭак,
Адунеи иацәыӡит ихабар.
Имчқәа зегьы агеит игәала,
инацәы дрысуеит есымша:
«Сыҧсыр…
о, мап, сыҧсы ҭалап,
ҿыц аҧсҭазаара сызшап…»
Абри ами ицәызгоз имшқәа,
абри ами изгоз иҵх зегьы.
Ҽнак илшәшәеит
зынӡа имчқәа –
иаамҭа мааиуаз ауаҩгьы.
Абар,
иқәацә иахылҵуам алҩа,
абар, аиарҭа уи дахәхеит.
Зыҧсы ҭаз иҟәнамгеи амҩа,
ихала игәаҟра дазынхеит.
Ииуан ауаа.
Иҧсуан ауаа.
Аџь изгылаз хаҳәхон.
Хыхь дышҧшуаз ибла ҭраа,
дмаџьанахеит,
ибла кьаҳәхон.
Аарла ишеимаз ибаҩи ицәеи,
ахаҵа ҽнак иҧсы набрын.
дгәаҭеит,
дуазырт,

дҳәацәеит,
дыҳәҳәеит – ажәҩан иаҳарын,
аха адгьылаҿ
ибжьы рмаҳаит.
Ус аҧсрагьы
Каҭак изаҳаит.
Инаапгьы ахәбылранӡа имҩаӡеит –
уабаҟоу,
аҧсҭазара ҿыц?!.
Иазҧшын мышкы –
Иҧсгьы цеит,
Ишҵәахызгьы хыхь ибҕьыц.
Абас ауп.
Ақәацә иаҭымхан,
иахатәеит наӡаӡа агәырҩа.
Иуацәа дырхашҭит агәымха,
ҳауҧырхагам ҳәа
ивсуан зымҩа.
Иҧсы ҭоу џьшьа
хара иҧырҵуан,
инеиргьы иҭахымзт омак.
Ауаа ирбеит:
аҳаскьын цәырҵәа,
иҳәазо,
аҳаҭгәын иакәшон лак,
аха аҧшәма иахь уи
цәырҵуамзт.
ИАРА ДЫҼХӘОН, ЛАРА ДЫЧЧОН…
Алаф

– Аҳәаса ашәҭымҭаз
ҧҳәысҳәара сцеит.
Аҽаҩра ашәымҭаз
Ҽҳәарас иҟасҵеит
Амза аҭәымҭаз
Сыҩныҟа даазгоит.
Ашықәс анҵәамҭаз
Лаб ишҟа дызгоит…
– Аҳәаса ашәҭымҭаз
Арҧыск сибеит.
Аҽаҩра ашәҭымҭаз
Бсыцца, иҳәеит.
Иахьа дызбазма,
Ибзиан дысҵеит:
«Уҧшыз, уажәуама!» Сҳәан, хаҵа сцеит...
АҴХ АГӘҬЫХАҚӘА
Аҵх анааилак,
ихьанҭахоит адунеи ахәыцра.
О, цәгьахәыцрала аҵхқәа ҭәуп!
Абгахәыҷеиҧш,
аӡә дҭалеит акәытҵара,
аҵх иҽалак.
Уигьы ауаҩы ҳәа дшьатәу?!.
Аҵх лашә ҿаҳәоуп.
Аҵх лашә ҿаҳауп.
Аҩсҭаацәагь ишьҭырхит
ауаҩы иҧшра,
аџьнышцәагь
аҵхаҿ
ацәҟьақәа рҳаит.
Ашьацҳәагьы шьҭоуп уа,
амҩаҿ џьара.
Ирҳаны,
ахра иазцеит
аҧслаҳәқәа.
Џьоукгьы
Немезида
дҭаркит иаха.
Немезида лзы
идырҭәеит
ашьамҭлаҳәқәа,
ацәгьахәыцгьы
ишьҭихит иеиха.
Уи иҧсы ахьҭало
аҵх лашә аҿоуп,
амҩа кны, дтәоуп уажә џьара.
Аҵх лашә сабраданы иҿоуп,
амҩасгьы, уҽгәаҭ –
дашьҭоуп урҳәра.
Аха амал акәым ииҭаху –
ухьӡоуп
(иҟамкәа амал иақәзҵогьы зхы!),
идыруеит,
амал азы акгьы ухьӡом,
ууаҩроуп деилазго,
иҟазар иҭахым.
Идыруеит:
ууаҩуп азын – уиҧырхагоуп,
уҟанаҵ, уи ҭынч ашҳам изҟьаӡом.
Убри азоуп умҩа зикызгьы ахага,
Убри азоуп изиҳәазгьы : «Узцом!»
Уаха дызҿузеи, ишәҳәанда, сашьцәа,
иацы ихәҳаит сгәылакгьы ашәақь?..
Сара жәазаҵәык скараха сашьҭоуп,
иаҧысҵарц
аҵх лашә зырҭынчша
ашәак.
АХӘЫҶЫ ДЫЧЧОИТ…
Ахәыҷы дыхәмаруеит адәны,
акыркырҳәа иччабжь гоит,
ҩада ихалан иччабжь цоит,
ахәыҷы дыхәмаруеит адәны.
Џьара аҧҭа хылеит илаҟәны,
џьара ихысуеит –

еибашьроуп,
џьара иҵәуеит –

уаҟа ҧсроуп…
Ахәыҷы дыхәмаруеит адәны.
Хьаа имам, хьаа изшам.
Дыччоит –
иччабжь абна арҿыхеит,
Дыччоит –
иччабжь амра арҿыхеит,
аҧҭа цеит, еиқәтәеит аҧша.
Адунеи шами уамашәа!
Ахәыҷы дыччоит –

Салиери ашҳам дашьҭам.
Ахәыҷы дыччоит –
Герострат аччабжь дашьҭуам.
Адунеи шами уамашәа!
Ахыҷы дыччоит!..
Ахәыҷы дыччоит!..
АМҨА АҦШААРА
Ицеит адәыҕбақәа сныжьны,
ицеит аҳаирплақәа ҧырны.
Ишьҭоуп архақәа еиужьны,
ашьхақәа ҧшуеит,
рыхқәа ларҟәны.
Ауарбажә ажәҩан ахь ихалеит.
Са сгылоуп. Аҧыршьа сымҵацт.
Схы дасызшәа аӡәы еихала –
ишаҟәеит.
Ашьхагьы сымцацт.
Архагьы гызмалха исыхәаҧшуеит.
Архагьы са сымхы лаӡам.
Избом шьҭа
ҭагалан исыхәаша,
сырҭан адәыҕбақәа лаҵан.
Сыҩт еиҭа адәыҕбақәа рышҟа,
ах, ицеит адәыҕбақәа сныжьны!
Сыҩт еиҭа аҳаирпланқәа рышҟа,
аҳаирпланқәагь ҧрит иццакны.
Саҧхьа ишьҭоуп
архақәа еиужьны.
Са сгылоуп, снапқәа
сџьыба иҭакны.
Са сыда
адәыҕбақәа цоит, иаауеит,
ажәҩан иалоуп
аҳаирлапланқәа лашо.
Уардынк џьара иҿыжуеит –
исаҳауеит…
Уи акәзар, нас,
са сыхьчара зылшо?!.
АИҬЕИРА
В.Гетман иҿырҧшны

Са среиҧхыӡуан сқыҭа, исызгәакьоу сқыҭа,
схәыҷра зныз амҩақәа, са сзааӡаз аҩны…
Ҩнаҭацыҧхьаӡа уа илашо амзаҿа кыдуп,
амшқәагь мҩасуеит мра шәахәала итәны.
Нас иаалырҟьан, иахьынтәааз умбаӡакәан,
ҽыҩҵас сқыҭа иналалон ақәаршыҩ.
Ажәакгьы мҳәаӡакәаны, уссгьы имкӡакәан,
ҕәрада-кәадырда са снақәтәон уи аҽыҩ.
Дҩаҵҟьон сгәазҭоз алыгажә: «Е, ахлаҳәада,
улалҟьар – умҧсуеи!..» – Даауеит сара сахь.
уа иабаудыруеи, аҭаҳмада-қабада,
са сҵасқәа – сара даҽа насыҧк сыхнахт.
Нас ақыҭа зегь салсуан. Слагьы сышьҭан.
Џьмак ҟааит. Аӡаҩа иазцеит аҳәақәа.
Сара ҩада, ажәҩан ахь, ихазгалон сышьҭа,
сырҭыҵуан схәыҷреи сыдгьыли рҳәаақәа.
Снапқәа ҩеиҵыхны, исҧсаҟьон уа аҧҭақәа,
амацәысгьы ҿасҳәон уа – исҭаххар.
ус ажәҩан аҵаҿ сҧырлон, аӡәгьы дгәамҭакәан,
уи аҧслыш заҵә са сымҩахь имааскьар.
Ах, зегьы-зегьы сгәалашәоит – уи ами
схәыҷра аҟынтә аҽа мҩакала сызгаз!
Абар, уажә иҩны иаасҧылеит уи амҩан,
иабарц шаҟа исызҳаз, сыҕәҕәахаз.
Избоит: аҧсҭазара мшынҵас еилашуеит.
Аамҭақәа рҽырҧсахт. Идәықәлеит ашьаҟьар.
Избоит: схәыҷрагьы харантәи исзыҧшуеит,
иҩны иаасҧылоит – знык снапы сҟьар.
Ашәҭқәа сеихырхәоит: «Бзиала уаабеит!»
Сымҩақәа сыҧхьахт: «Уласы! Уласы!»
Шьыжьтәи аӡаӡаҿ, абар, сышьҭақәа беит,
аха, мап, акгьы шәарҭам шьҭа сара сзы –
уи хара инхаз схәыҷра ашьҭақәа ракәын,
ирҿыцны иахьа ашәақәа аҧысҵап,
иҿаҿаӡа сышьҭагьы адгьыл ианысҵап –
сеиҭаит сара!
Ари лакәуп, иагьлакәым.
СШӘЫРҾЫХА ШЬЫЖЬӠА
Сшәырҿыха, амҩақәа, шьыжьӡа,
сдәылыжәга аҩны сзыҩнатәоу,
саҧыржәга амца сызхатәоу,
амҩақәа, сыжәга хараӡа.
Архала сцап, ашьхала сцап,
мҩа ахьыҟам –
амҩақәа шьҭаҳҵап,
цҳа ахьыҟам –
ацҳақәа хаҳҵап,
амҩақәа, сшәырҿыха шьыжьӡа!
Сшәырҿыха, амҩақәа,саргьы,
амшын иалахаз –
дыӡхызгап,
схьаақәагьы –
сара исхызгап,
хьааны ишәызнымхарц аӡәгьы.
Амҩақәа, шәысмеигӡан саргьы!
АЗҦШРА
Бааи ҳаиҧылап хәылҧазык,
ҧхьан иаҳзеибымҳәаз еибаҳҳәарц,
ҧхьан иаҳзеилымкааз еилаҳкаарц,
бааи ҳаиҧылап даҽа знык.
Иҳақәкны амза лашалап,
аҵх гәаҩажә уа иҿырҳаслап,
аҧша маӡа са исыцәхаслап,
ба иҟам ӡыбнаҟа быҧшлап.
Сажәа бгәаҵанӡа имнаӡар,
ах, бцәажәар баргьы тәым бызшәала,
еиҭагьы исҳәап: «О, бманшәалаз!
Са схьаақәа – сара изӡап».
Мап, мчыла бныскылом бара,
уа ҳаиҧырҵып, ус ҳаицәыӡып,
еиҭахгьы аҵхаҿ бышьҭа сцәыӡып…
Нас – исҭаххар
дырҩегьх ббара,
еиҭагьы саҧхьап хәылҧазык,
еиҭах агәыҕрақәа зегь еизызгап,
нас, ахәы снықәлан,
сыбжьы ҩҭызгап
уа: «Даҽа знык!Даҽа знык!»
Са исыхәошәа «даҽа знык»,
бара бааира – сара сахьчошәа,
быблақәа рҭаҧшра –
сара сахәшәтәуашәа,
сазыҧшызаап хәылҧазык.
АМҨА АҦШААРА
Авариант

Ах, ицеит адәыҕбақәа сныжьны,
ицеит аҳаирпланқәагь ҧырны.
Ишьҭоуп архақәа еиужьны,
ашьхақәа ҧшуеит,
рыхқәа ларҟәны.
Уарбак ажәҩан ахь ихалеит.
Са сгылоуп. Аҧыршьа сымҵацт.
Схы дасызшәа аӡәы еихала –
ишаҟәеит.
Ашьхагьы сымцацт.
Архагьы гызмалха исыхәаҧшуеит.
Архаҿгьы са сымхы лаӡам.
Сца ҭацәуп.
Избом шьҭа исыхәашак –
сырҭан адәыҕбақәа лаҵан.
Сыҩт еиҭа адәыҕбақәа рышҟа,
ах, ицеит адәыҕбақәа сныжьны.
Сыҩт еиҭа аҳаирапланқәа рышҟа,
аҳаирапланқәагь ҧрит иццакны.
Саҧхьа ишьҭоуп
архақәа еиужьны,
сгылоуп снапқәа
сџьыба ирҭакны.
Са сыда адәыҕбақәа ҿыхоит,
аҳаирпланқәагь ҧрит илашо…
Уардынкгьы џьара иҿыжуеит –
Уи акәзар сыхьчара зылшо?!.
СЫҦСЫНТӘЫЛА
Амра гылон, иҭашәон,
аха сыжәлар нхомызт гәырҭәыла.
Ухьаа рацәан, уџьабон,
Сыҧсынтәыла, Сыҧсынтәыла!
Умш ашараз илашьцон,
аҵх еснагь ара ихтәылан,
атәым тәылахь умҩа цон,
Сыҧсынтәыла, Сыҧсынтәыла!
Амҳаџьырра – атәым ҟәара.
Иџьанаҭымзт уа Ҭырқәтәылан:
ухәада иашьҭан аҟәараҕ,
Сыҧсынтәыла, Сыҧсынтәыла!
Иаҿын аҧсуа иҟамагь уск,
аха илашомзт шьхатәылан.
Уҳәҳәеит: «Иҟалом уаҳа ус!» –
Сыҧсынтәыла, Сыҧсынтәыла!
Ус игеит «Аврора» абжьы,
еилашыҩкит Урыстәылан.
Уаргьы уабџьар шьҭухт шьыжьы,
Сыҧсынтәыла, Сыҧсынтәыла!
«Кьараз» жәылеит шарҧазӡа,
Лакоба урҭ драҧгылан.
Умра гылеит ижжаӡа,
Сыҧсынтәыла, Сыҧсынтәыла!
Иахьа ушәҭышует, с-Аҧсынра,
амра-тәыла, насыҧ-тәыла!..
Еҳ, иухугахьоузеи уара,
Сыҧсынтәыла, Сыҧсынтәыла!
ИЦОИТ АПҞАҚӘА
Еиҭа ажәҩан ду иаҵалеит, иаҵалеит аҧҭақәа,
иҵәаауеит аҧша.
Еиҭа ажәҩан ахь ихалеит, ихалеит апҟақәа,
идәықәлеит ианша.
Ашәаџҳәаҩ дырзаазшәа, мҩа ҳарак ианылеит,
ицоит еицырхәхәа.
Аҧҭақәа жәылеит, иқәылеит, жәҩан-мҩа иангылеит,
ақәагьы иарҕәҕәап.
Ах, иҧрит апҟақәа, ицоит ҩада ихаланы,
ицоит иццакы.
Стәоуп сгәы акы аланы, стәоуп сгәы ахы аланы –
исцәыӡит иац акы.
Ицеит, ицаӡеит, избом, еес, ицеит ибналаны,
сқәыҧшра цеит аҽӡа.
Уажә апҟақәагьы дәықәлеит, ицоит, аа, ихаланы,
иагьтәом зынӡа.
Ақәа шәацәшәаны шәхалама, шәынасыҧаз шәхалама,
шәабацои зегьы?
Шәымцан уахь шәхала ма, шәымцан уахь шәхала ма,
сыжәгандаз саргьы!
Исҭахым саргьы аҧҭақәа, ишәаҳау, апҟақәа,
исҭахым ақәа.
О, аҧҭақәа, ҭагалан ҧҭақәа, хьаа змам аҧҭақәа
идырҿыхт сгәырҩақәа.
Аха ианыӡ сгәалақәа, ианыҟамла схьаақәа,
саргьы сҟаларым.
Шәымҧшын, мап, апҟақәа, шәа сшәышьҭалом
шәыгәхьааго, ҳамҩақәа акым.
Сара Адгьыл саҧоуп, сыдгьылаҿ иҟоуп сынасыҧ,
абарҭ ашьхақәа рҿы.
Жҩанаҿ ҭыҧ сымаӡам, жәҩанаҿ ус сымаӡам –
сыҟазар ауп ауаа рҿы.
Уаҳа ишәасҳәари, апҟақәа, шәхы гәашәҭала, апҟақәа,
ауаа зегь еиҧшым.
Шәаах еиҭа, апҟақәа, ишәхамшҭын сыдгьыл, апҟақәа,
саргьы сышәзыҧшып.
Еиҭа ажәҩан ду иаҵалеит, иаҵалеит апҟақәа,
иҵәаауеит аҧша.
Еиҭа ажәҩан ахь ихалеит, ихалеит апҟақәа,
идәықәлеит ианша.
***
Ақәа шәаҳәоит ааҧынрала,
Ақәа аҵаҟа схала сынхеит.
Иҟәандаӡа сыкәа ианҭала,
Хыбрак сныҵалар сҭаххеит.
Аха, мап, иааҧнуп,ааҧын
уи азы иузҳәом акгьы.
Саргьы исымоуп сааҧын,
уи сызиҭом, мап, аӡәгьы!
Сеиқәа сҩахан иҵыркәакәа,
ихырҟьаҟьа сшьапқәа хтны,
сыҩн сналҧылап Кәакәа:
«Иббо, сан,
ишыҟоу сааҧын шәҭны!»
Сан дааччап.
Схәыҷра сагәылсны,
са сцалап дырҩагь ҧхьаҟа.
Исымфаз, сыҟаз са сеилыҵны,
саахан исырххап смаҟа.
Сымҩа саҧхьа икәараҵап,
сааҧын шьҭнахып сыжәҩахыр.
Насыҧ дук аҵеиџь аҵантә
ишәызҭыгазар цәгьа исҭахын.
Абри азами, иахьа сдәылҵны,
сыбжьы зсырго соуп ҳәа аӡәы:
ааҧынҵас иахьа сгәылҵны,
ҭагаланҵас саарц уаҵәы…
Ақәа шәаҳәоит ааҧынрала,
зегьы ирыхьӡеит, шьҭа ихкәап.
Абраҟа салгоит сажәеинраала,
аха исыргылом уаҟа акәаҧ.
***
Ари адгьыл сазааит сасра зны,
ҭагалан ианҭаргала аҽаҩра,
аҳәынҵәа анышьҭала асаара,
еиҵыхәхәа аӡыцә анцоз иласны.
Сааит! Сыҵәаабжь ҩынҟьеит ибрын.
Сааит! Еснагь иччаларц саб илакҭа,
сыжәлар рмал иалсҵарц сыхәҭа,
сыҟанаҵ, рымаҵ зуларц жәларык.
Сааит! Исзыҧшын аусқәа мбатәы,
изыҟамҵоз са сыда, мап, даҽаӡәы:
адәы ихгылаз ақәаҭана ҭацәы,
скалам, сажәа, сцәаҳәа са-схатәы.
Ари адгьыл сазааит сасра зны.
Апап симнаҭит, самгәӡит аџьар,
саб хынтә иҭирҟьеит имаџьар…
Ицәгьоума, нас сиит са сразны!
Ҭагалара мшын, сиит са сразны,
ауаа рыцәгьара зегь сыман сцарц,
сышьҭахьҟа аразра мацара нхарц,
амҩа саман ианықәло аҧсра зны.

АГӘЫҔРАҚӘА
Ахәышәтәырҭа аҿынтә ашәҟәы

ТАНИА ЛАХЬ
Дырҩегь иалагахт ақәа.
Дырҩегь исыжәлеит агәкаҳара.
Дырҩегь ақәаӡы схьыкәкәа,
избоит саҿушәа акаҳара.
Дырҩегь акаҭақәа рҳаит.
Дырҩегь исызцәырҵит хьаак.
О, ажәҩан шәынтә исыцәҳаит,
аха изкыда сыгәхьаа!
Дырҩегь иалагахт ақәа,
имыццакӡо, игәыҭшьаагаха.
Хысран идыдит ааигәа,
ишаҟьоит амацәыс хагахан.
Дырҩегь аҵх, асас еихҳәаны,
сышәаҿ игылоуп иааины.
Ах, шәыла аҽҭаҳәҳәаны,
иҩналт суаҭах, исиааины.
Ааигәа быҟаӡам баргьы,
са сыбжьы арантә ибаҳашам.
Издыруада: бтәылаҿ мышкгьы
ажәҩан мҵәуазар, аиашаз?..
Издыруадашь, уа илашо,
амра ҭамшәаӡо икаҧхозар?..
Издыруадашь, еснагь ишо
уа, зынӡагьы имыхәлозар?..
Издыруада, нас: бара бҿы,
уа, иҟамзар зынӡа чымазара?..
Издыруада, нас: бара бҽы
уа икәадырны игылазар, аа?..
Уи еснагь исзыҧшызар сара?
Уи акәзар изылшо са сыхьчара –
ақәа салган Мратәылахь сгара,
зынӡа имыӡырц сыхьӡ ара?..
Издыруадашь исызшоугьы разҟны!
Издыруада?..
Издыруада?..
Издыруада?..
Ақәа кыдҵәауеит ара, сара сҟны.
Аӡқәа хыҵит.
Изыруада?..
Измыруада?..
АЖӘА
«Аҧсуаа ретно-культуратә
ҭоурых азҵаарақәа» зҩыз аҧсуа
ҵарауаҩ ду Ш. Д. Инал-иҧа
ихьӡынҩылоуп

Иҟоуп Ажәа – ажәа-хьӡырҳәага,
иҟоуп Ажәа, иаҩызоу ахы,
Дзыхәышәтәуа ачымазаҩ, ахага,
икылызҵәо аҕа-цәгьа игәахы.
Иҟоуп Ажәа – ажәа-ҧхьагыла,
ахаан иақәым уи аҧсра –
бираҟҵас ажәлар ирхагылан,
еснагь иаҿуп ҧхьацара.
Иҟоуп Ажәа – ажәа-хьӡырҳәага,
арқәа аиааира дзырго,
зқьы-шықәсала иргәылга, инаган
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 04
  • Büleklär
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 01
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2163
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 02
    Süzlärneñ gomumi sanı 3250
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2014
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 03
    Süzlärneñ gomumi sanı 3353
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2079
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 04
    Süzlärneñ gomumi sanı 3330
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2059
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 05
    Süzlärneñ gomumi sanı 3194
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2094
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 06
    Süzlärneñ gomumi sanı 3210
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1862
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 07
    Süzlärneñ gomumi sanı 3261
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1956
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 08
    Süzlärneñ gomumi sanı 3294
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2021
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 09
    Süzlärneñ gomumi sanı 3201
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2051
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 10
    Süzlärneñ gomumi sanı 3265
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2030
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 11
    Süzlärneñ gomumi sanı 3262
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2022
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 12
    Süzlärneñ gomumi sanı 3318
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2066
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 13
    Süzlärneñ gomumi sanı 3374
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2341
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи - 14
    Süzlärneñ gomumi sanı 1135
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 909
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.