Latin

Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа уадаҩ - 1

Süzlärneñ gomumi sanı 3364
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2129
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Борис Гәыргәлиа

Ҷиҷико Џьонуа
Арҿиаҩы имҩа уадаҩ

Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
Аҟәа 2013

Гәыргәлиа, Б.А.

Гә 93 Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа уадаҩ.

Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа. Аҟәа, 2013. – 168 д.

Борис Гәыргәлиа ишәҟәы «Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа
уадаҩ» аҟны дрыхцәажәоит аҭаацәара ду аҵеи Ҷиҷико Џьонуа
иԥсҭа­зааратәи ирҿиаратәи мҩақәа. Иара убас ашәҟәы автор
иаҳирдыруеит апоет иҭаацәеи иуацәа ааигәақәеи. Ашәҟәы ҭыжьуп
автор идунеи аниԥсах ашьҭахь. Араҟа зыӡбахә ҳәоу Ҷиҷико Џьонуа
иҭаацәа, иуа-иҭахы иахьа рыԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа акыр
рҽырыԥсаххьеит, иҟоуп зыԥсҭазаара иалҵхьоугьы. Убри аҟнытә
аԥхьаҩ агәаҽанызаара иаҳҭоит: ашәҟәы изаҟаразаалак риашарак
адгалам, автор ишиҩыз иҟоуп.

© Гәыргәлиа, Б.А., аҭынхацәа, 2013
© Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, 2013

Аҭаацәара ду аҵеи иԥсҭазааратә мҩа
Ҷлоу аԥсыуа қыҭа ԥшӡоуп, қыҭа дууп. Уи аҩа­
дахьала ажәҩахырқәа џаџаӡа иахагылоу Ԥанаҩ ашьха аҽагәыҵаҳәҳәа ишьҭоуп. Амрагыларахь ала иара
мҵәыжәҩара азнауеит ԥсабарала, ҭоурыхла уи
иахәҭакыз, иахәҭаку, иахьа хаз қыҭаны ишьақәгылаз
Отаԥ аҳабла. Отаԥ акәзар, амрагыларахь ала ҳәаара
азнауеит зхықәқәа шыцрала, хьацала, хьараџьла,
жьынҵәрыла, хәажәыла иҭалаҳау, зӡышьҭа ишаанагара
иҟоу аԥсыуа ԥацхак иаҟароу ахаҳә дуқәа абахәқәа реиԥш
изгәылыҳәҳәо, аиҩхаа еиҩыжәжәаа илеиуа Улыс аӡиас.
Абраҟоуп аԥсуа жәлар рдоуҳамчра ӷәӷәа зныԥшыз,
ахақәиҭра рыманы, хьаа-баа рымамкәа, анцәа иши­
ҳәара инхо-инҵуа иҟаларцаз, иара анцәа злыԥха
ҳаура дуӡӡаҵәҟьа иеикануаз, иацлабуаз Абрыскьыл,
џырла ичо ирашьи иареи ҭаҿаҳәоуп ҳәа ирыԥхьаӡо,
ажәлар иара ихьӡ иадырҳәало аҳаԥы ҵаула, аԥсабара
иаԥҵамҭоу аҳаԥы џьашьахә ахьыҟоу. Уи иҭысны икеикеиуа иаауеит Аҽуацҭызго ҳәа изышьҭоу аӡиас.
Амраҭашәарахь ала Ҷлоу ақыҭа амҵәыжәҩақәа
дырԥшӡоит шәаԥыџьаԥ иаҵәала, баҳчала, чаирҭала,
мхыр­ҭала, қәаҵала ибеиоу, Ӷәадеи Кәачареи ирыҵар­
куа ахәы ҭбаа-ҭыцәқәеи акаршәра барақьаҭқәеи. Ала­да,

Ҷлоу ақыҭа акаршәра дгьылқәа ирыԥнуп Мықәааи, Арадуааи, Ҭхьынааи, Џьалааи, Лашькьындарааи рынхарҭа
ҭыԥ ԥшӡақәа, рынхара беиақәа рыла иҩычоу адгьыл
каршәрақәа, ахәызқәақәа, зыбла иаҵәақәа гәыҟаҵагоу
абнақәа.
Ауаса акьаԥа акьамашәышә аҷыдоуп, – рҳәоит аԥс­
уаа. Убасшәа иҟоуп Ҷлоу ақыҭа азын Аимара аҳабла.
Ԥанаҩ ашьха еибаркыра ажәҩахыр рҽаҟәыҭханы,
еиҳа-еиҳа рҽыларҟәуа рҿаархоит ауаҩы дықәынхартә,
дықәаарыхыртә, дықәӷьацартә иҟоу ахәызқәа ҟьаҟьа­
қәа нцәа напы разыла еиҿызкаауа адгьылқәа. Абарҭ
ахәқәа Амшын Еиқәахь рыхқәа рханы ишааиуа, Аимара
аҳабла ианазааигәахалак, амрагылареи амраҭашәареи
рганқәа рахь ала ахәқәа наскьа-ааскьоит, Ԥанаҩ ашьха ашьапы инаркны иҭбааҭыцәӡа, тлаз иаҵәала ихҟьоу,
уаҩы ибла хызкыша, нхарҭаҭыԥс дзеилаҳаша, акаршәра
дгьылқәа шьҭарҵоит. Ауаҩгьы ари еиԥш иҟоу аџьанаҭ
нхарҭаҭыԥ имбакәа днымхаӡеит.
Абарҭ, заа зыӡбахә ҳҳәаз Амшын Еиқәа агаҿан­
тәи аҩада иахагылоу аԥсуа қыҭақәа ирыҵаку адәкар­
шәрақәеи, ахәызқәақәеи, ахәқәеи рыхқәа ахьааимало, зылаԥш цәгьоу ауаҩы илаԥш зцәихьчаша аҳабла
иақәнагаҵәҟьаны Аимара ахьӡырҵеит. Иагьалагеит
уаҟа анхара-анҵыра, аамҭала акәымкәа, наунагӡа напы
азыркыз Аимараа.
Машәыршақә имҳәазар ҟалап, абри аҭыԥ хьҟәыр­
ҷаха сара саԥхьа иахцәажәахьаз, еицырдыруа аԥсуа
поет Кәымф Ломиа абарҭ ажәақәа: «Ҷлоу ақыҭан, Аимара аҳабла, уаҳа зда царҭа ахьамам ашьха ҳаракқәа
ршьапаҿы еихых-еиҵых адәы ҭбаа шьҭоуп. Шьхатәы­
лан, аҟәаԥа-ҿаԥа дгьыл аҿы адәышшара, адәеиҵых
абриаҟара аҭыԥ азҭада ҳәа уаахәыцышт. Издыруада,
ашьхақәа ааидыӷәӷәаланы иҩагылан, абри аҭыԥ ҭбааҭыцә аанрыжьзар, ауаҩы ишиҭаху днаҳәы-ааҳәуа дынхарц, дынҵырц!»

Абри аҳабла агәҭаҵәҟьа ааҩшаны иагәылсуеит,
Ԥанаҩ ашьха акаҵәара иагәылхәрааны, шәаԥыџьаԥла
иҭалаҳау аԥсҭа ҭбаақәа ирыжәланы, арыдыш еиԥш
иҟәашкакараӡа иҵагылоу рҳәахаԥыцқәа хырџьаџьа,
ӡырлашәҵас илакьы-лакьуа, ахьхьаҳәа зхатәы бызшәа­
ла зны ашәа ҳәо, зны игәааны игәрымуа, зынгьы
иҟәынд-шәындуа амшын ахь ишьқьыруа илеиуа Дәаб
аӡиас. Ишԥахаау, ишԥа гәыҟаҵагоу уи ацәажәабжь, уи
ашәаҳәабжь. Ицқьоуп, изҩыдоуп, ухаԥыцқәа ыҵа­ныр­
шәшәартә ихьшәашәоуп, ираӡныԥсароу уи ацәыкә­
барқәа, ацәқәырԥақәа.
Ари адгьыл аҟны зқьышықәсала ауаҩытәыҩса
дшынхоз-дшынҵуаз, ихы шихьчоз, аԥсҭазаара амаҵ
шиуаз азы шаҳаҭра руеит еицырдыруа Аԥсуа ҭӡамц
ду аҟәарчқәа еимаздоз, ари аҳабла аҟны иахьа уажә­
раанӡагьы еиқәханы иҟоу Абаа-рыԥхра аҭӡамцқәа. Ма­
шәыршақә иҳәаӡам, аҭоурыхтә, аԥсҭазааратә ҵаҵ­ӷәы
рымоуп, 1975 шықәсазы ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара»
иҭнажьыз Ҷ.Џьонуа иалкаау иҩымҭақәа актәи атом
иазкыз, «Акаҵәарахь ихагалоу амҩа» зыхьӡу ашәҟәы
аԥхьажәаҿы Кәымф Ломиа ииҳәо абарҭ ажәақәагьы:
«Ари аҭыԥ ҭоурых ҭыԥуп. Апоет иашҭа уҭагыланы
мраҭашәарахь уанԥшлак, ааигәаӡа акыӡӷаҿы иубарҭоуп
Аԥсуа баа. Иҟалап уи анкьа зны Џьапуаа рашҭа иҭысны
ицозҭгьы. Уимоу, иҟалап абаа аныҟарҵоз апоет иаба­
цәа, урҭ рабацәа иара ачаԥара иалахәызҭгьы!
«Ари аҭыԥ – нцәа ҭыԥуп. Убригь маҷуп. Апоезиа
иашҭоуп. Нас ирымҳәои, зашҭа уҭоу иашәа уҳәароуп
ҳәа. Апоезиа ашҭаҿы ииз, апоезиа амаҵ имур ауазма!»
Абри апоезиа ашҭа ԥшӡаҿы, Аԥсны, Очамчыра
араион, Ҷлоу ақыҭан, Аимара аҳаблаҿы 1915 шықәса
лаҵарамза акы аҽны диит Ҷиҷико Михаил-иԥа Џьонуа.
(Ижәлаҵәҟьа Џьапуа ауп). Абри аҳаблаҿы уи иагьихигеит ихәыҷрашықәсқәа. Ихаҭа иавтобиографиаҿы иши­
гәалаиршәо ала, 1925 шықәсазы жәашықәса дырҭан.

«Ҷлоу ақыҭан, Аимара аҳаблаҿы инхоз рзы иҟалеит
зеиԥш ҟамлацыз ахҭыс: иаадыртит алагарҭатә школ.»1
Абри алагарҭатә школ аҟны ауп Ҷ. Џьонуа аԥхьареи
аҩреи ахьиҵаз, раԥхьаӡа аԥхьареи аҵареи ргәыбылра
ахьикыз, қәрала ихәыҷқәазаргьы аҩызцәа дуқәа ахьиоуз. Аимаратәи алагарҭатә школ даналга Ҷиҷико хәы­
ҷы Аҭаратәи ашкол дҭарҵеит. Ҳамҭакы уаҟа аҵара иҵон,
нас Мықәтәи ашкол ашҟа диасын иҵара иациҵон.
Аԥсуа шәҟәыҩҩ, апрофессор Гьаргь Гәыблиа ииашаны ишазгәеиҭо еиԥш, «усҟантәи аамҭазы убраҟа
аҵара рҵон зхатәы бызшәа згәыблыз ашколхәыҷ­
қәа, аԥсышәала аҵарагьы бзианы ишьақәыргыланы
иҟан. Мықә, иагьа умҳәан, Абжьыуаа реизарҭа, уи
агны иҟамызт, иара уброуп Ҷиҷико алитература
абзиа­бара ахьикыз, апоезиаҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа
ахьеихигаз».2
1931шықәсазы Ҷ. Џьонуа Мықәтәи ихарҭәаам аб­
жьа­ратә школ далганы дцоит Аҟәаҟа. Убраҟа уи, 1929
шықәса раахыс еиҿкааз Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә
дра­матә студиа дҭалоит. Усҟан абри астудиаҿы аҵара
рҵон, ашьҭахь иактиорцәа дуқәаны, ирежиссиорцәаны,
алитератураҿы
еиҭагаҩцәаны,
аԥсуа
культура
иахаҭарнакцәа дуқәаны иҟалаз: Мҭы Ақаҩба, Аазиз
Агрба, Леуарса Касланӡиа, Иасон Ҷоҷуа, Арзаабеи Агрба, Минадора Зыхә-ԥҳа, Анна Аргәын-ԥҳа реиԥш
иҟаз абаҩхатәра змаз аҿар. Ас еиԥш иҟаз аԥсуа ҿар
рзааигәахара, рҩызара Ҷ.Џьонуа ихырҳагаз анырра
инамҭар ауамызт ҳәарада.
Ҷ. Џьонуа излеиҳәо ала 1931 шықәсазы аком­
ҿареидгыла далалеит. Аԥхын иԥсшьара мшқәа раан
иқыҭа гәакьа аколнхараҿы аус иуан. Шықәсқәак Аҟәа
адрамстудиа дҭан, астудиа аҵаҩцәа рзеиԥш нхарҭа
1 Ҷиҷико Џьонуа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи.
Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, Аҟәа, 1957, ад. 5.
2 Агазеҭ «Аԥсны», 2005 ш., лаҵарамза.

дыҩнан. Убри аамҭазы иҽазҵәылхны ажәеинраалақәа
рыҩра далагахьан. Убасҟан Аҟәатәи амузыкатә
ҵараиурҭаҿы астудентцәа аԥсуа бызшәа дзырҵоз
Дырмит Гәлиеи, Самсон Ҷанбеи, иареи еибадырдырит. Ҷ. Џьонуа раԥхьатәи иажәеинраалақәа урҭ дрызрыԥхьартә аусқәа изеиҿыркааит иҩызцәа. Аԥсуа
литература ашьаҭаркҩи Самсон Ҷанбеи Ҷиҷико
иажәеинраалақәа ахьимадырҽхәаз, дара ҳажәлар
рҵеицәа дуқәа реизыҟазаашьа, раҳаҭыр еиқәҵашьа
иаҵибааз аҟәыӷара ду, аԥсуара даара дархәыцит,
даргәырӷьеит дагьаруалыуашеит ҿыц ажәеинраалақәа
рыҩра напы азыркыз аимаратәи аҷкәын.
1934 шықәсазы Нестор Лакоба ибзоурала, актиортә
ҟазара злаз гәыԥҩык аԥсуа ҷкәынцәеи аҭыԥҳацәеи Ш.
Русҭа­­вели ихьӡ зху Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә драматә
театр астудиаҿы ирыдыркылт. Убарҭ дрылан актиортә
ҟазара афакультет аҟны аҵара напы азыркыз Ҷиҷико
Џьонуагьы. Астудиаҿы ибзианы аҵара иалагӡаны
ибаҩхатәра ԥишәон арҿиаратә усураҿгьы, иҩуан
ажәеинраалақәа, дрыцклаԥшуан, иҭиҵаауан адраматә
ҩымҭақәа рыҩра иаҵаз акәамаҵамақәа, аҷыдарақәа.
1938 шықәса рзы, заа зыӡбахә ҳҳәаз, Қарҭтәи адрамстудиа даналга, Ҷ. Џьонуа аҵара ицызҵоз егьырҭ
иҩызцәа аҷкәынцәеи аҭыԥҳацәеи реиԥш, аусура далагеит актиорс Аҟәа, Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә
театр аҟны. Данстудентыз инаркны Ҷ. Џьонуа аԥсуа
спектакльқәа рыҟны еиуеиԥшым арольқәа наигӡахьан.
Уи дрылахәын, арольқәа наигӡон «Кьараз» (С.Ҷанба),
«Гьечаа рҵыхәтәа» (М.Лакрба), «Аревизор» (Н.Гоголь)
реиԥш иҟаз аԥсуа театр иқәнаргылоз аспектакльқәа
рҿы, иара убас, уи дцәырҵуан хыԥхьаӡара рацәала
аԥсуа спектакльқәа рмассатә сценақәа рыҟны.
1941 шықәсазы гитлертә фашисттә Германиа,
имҳәа-мырза усҟантәи Ҳаԥсадгьыл ду, Асовет Еидгыла ианақәла, Џьонуа Ҷиҷико иаб Махаз (Михаил) Дауҭ-

иԥа иқәра шдуузгьы абџьар шьҭыхны, Аԥсны, иара
убас Кавказ егьырҭ акәакьҭақәа рыҟнытәи ашьхақәа
зыхьчоз асовет аруаа-аибашьцәа драԥгыланы ашьха мҩахәасҭақәа дырбо деибашьуан. Асовет жәлар
Рџьынџьтәылатә еибашьра Ду иааирала ианхдыркәша,
Џьапуа Махаз иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа шәаны,
деибга-дызҩыда, лыԥхала дхынҳәит иҩныҟа.
Зыӡбахә ҳҳәаз асовет жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭәагашоура иалагылан бџьар-мцала
рыԥсадгьыл рыхьчон Џьапуа Махаз ихәыҩԥацәа: Владимир, Џьавдеҭ, Авдениа, Ҷиҷико, Гьаргь, Џьапуаа,
ихыҩԥҳацәа: Цацикәа, Шура, Гәилиа аҩны иҟан, аха
урҭгьы абзабаа рхы иарбо, қьафла аамҭа рхыргомызт,
асовет-уаа зегь реиԥш аџьамыӷәа иаҵагылан, уахгьыҽынгьы ааԥсарак агәхьаа мкыкәан афронт амаҵ руан.
Цацикәеи Гәилиеи ҭаацәаран: Цацикәа лыҷкәынцәа
Костиеи Ԥочеи Кәыҵниаа ҭаацәароуп, Ԥоча иҷкәын
Беслан 1992–1993-шықәсазтәи аибашьра далахәын,
Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы даԥсахеит. Гәилиа
лыҷкәын Еларион Ҳаџьымба дҭаацәароуп, инхоитинҵуеит Кәтол ақыҭан.
Џьапуа Махаз (Михаил) иԥацәа рыӡбахә иаар­
кьаҿӡаны акәзаргьы ҳаиҭазыхынҳәны ҳахцәажәар
ҳақуп сгәанала… Урҭ Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага аԥхьаӡатәи амшқәа инадыркны ишыхәҩыкыз­
гьы абџьар аанкыланы аӷа иҿагылеит.
Аишьцәа ируаӡәкыз, Владимир (Володиа) Џьапуа
Ҷлоутәи ашкол далгахьан, гәырыӡ-шашәаӡ хабарда
афронтаҿы дыбжьаӡит 1943 шықәса рзы. Иара изын
ргәы зларҟажауа дахьҭаацәараз, ҩыџьа аԥҳацәа: Риммеи Наҭелеи дахьрабхахьаз ауп. Римма Џьапуаԥҳа
занааҭла дырҵаҩуп, дҭаацәароуп, акыр шықәса редакторс агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» иахагылаз, иахьа
уажәраанӡагьы Аԥснытәи ажурналистцәа Реидгыла
ахантәаҩра ныҟәызго Сергеи Михаил-иԥа Кәыҵниа

иҩнаҭа дыҩнагылоуп. Сергеии Риммеи рҵеи хазына, алым иаҩызаз арԥыс гәымшәа – Руслан Кәыҵниа,
ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аԥхьатәи амшқәа руак аҽны
ҳаԥсадгьыл ҳамазкуаз ампыҵахалаҩцәа дырҿагыланы
хацәынмырха дшеибашьуаз фырхаҵарыла дҭахеит.
Данҭаха ашьҭахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥхьатәи Ахада
Владислав Григор-иԥа Арӡынба иусԥҟала Леон иорден
ианашьоуп. Римма Џьапуаԥҳаи Сергеи Кәыҵниеи рыԥҳа
Аида Кәыҵниаԥҳа лтәы ҳҳәозар, занааҭла дырҵаҩуп,
дҭаацәароуп, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы
амаҵ зуа Закан Џьуӷьелиа иҩны дыҩнагылоуп, ҩыџьа
аԥацәа Алиаси Руслани дрануп.
Володиа Џьапуа аҩбатәи иԥҳа Наҭелагьы дҭаа­
цәарахахьеит, лыԥҳа Мадонагьы дҭаацәароуп, Иракли
зыхьӡу ахаҵарԥыс замана длымоуп.
Ҷиҷико иашьцәа аԥшьҩык рахьтә иҭахаз аҩыџьа
дыруаӡәкуп Џьавдеҭ Џьапуа. Уи диит 1916 шықәса рзы,
егьырҭ иашьцәеи иаҳәшьцәеи реиԥш, Ҷлоу ақыҭан, Аимара аҳаблан. Акомҿареидгыла далан, аҭаацәара даланамгалацызт. Асовет ар рышҟа иԥхьеит 1941 шықәсазы,
аибашьра ианалага амш аҽныҵәҟьа. Аррамаҵура дахысуан афлот аҟны, дымшынуаҩын, еилҟьа-еилӷәыцәк,
гәымшәак иакәын. 1943 шықәса рзы, дызҭаз аӡаҵашхәа
амшын аҟны иӡааҟәрылан, аекипаж рыбжеиҳараҩык
ҭахеит. Аха иеилҟьеилӷәыцәра ихәоу, анцәа дизылԥхоу
здырхуада, усҟан азы деиқәхеит Џьавдеҭ Џьапуа. Аха
имаҷзаарын уи иԥсҭазаара ҿҳәарас иамаз. 1945 шықәса,
мшаԥымза 30 рзы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны
афашисттә Германиа аҵарханы, ҳсовет жәлар иргараны иҟаз Аиааира мышқәак шагыз, дҭахеит. Уигьы иԥ­
садгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа нагӡаны Аимараҟа ахын­ҳәра
дахьымӡеит, дахьымӡеит насыԥла еиҵаҭәы иҟаз аҭаа­
цәара қәыԥш зырԥшӡашаз аԥсуа ҵаул чара аурагьы…
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭәагашоура иалагылаз Ҷиҷико егьи иашьа Авдениа Џьапуа итәы

ҳҳәозар, иуадаҩуп афронтаҿы уи шаҟантә дырхәыз,
шаҟа ааӡаб ихигаз зегьы рыӡбахә аҳәара. Еилкаауп
акы, уи дазыхынҳәит иқыҭа гәакьа Ҷлоу, акыршықәса
убри ақыҭантәи Нестор Лакоба ихьӡ зху аколнхараҿы
аус иуан, аибашьра зхызгаз иқыҭа ахәрақәа рырӷьара
амаҵ азиуан, ихатә ҩыза, ихәыҷқәа ран Шьынқәырԥҳа
Галинеи иареи рыхҩы ԥҳацәа: Нореи, Бианеи, Назиеи рааӡеит рҿы иҭаргыланы, рхы иалмырԥшыкәа, акы
иазрыцҳамкәа. Дара урҭ аӡӷабцәа рхаҭақәа ракәзар
иҭаацәарахахьеит, аа-ҩык ахшара рхылҵхьеит, рыхшара ҭаацәарахахьеит, иҟалахьеит урҭ рхылҵ-ԥылҵгьы.
Авдениа Џьапуа иԥсы ҭанаҵы (2003 шықәса рзы
иԥсҭазаара далҵит), аибашьра еибганы иалҵыз егьырҭ
иашьцәа аҩыџьа: Ҷиҷикои Гьаргьи реиԥш, иаргьы ихьаа
бааԥсны, еидара хьанҭаны ииԥхьаӡоз аибашьрахьтә
изыхнымҳәыз иашьцәа Владимири Џьавдеҭи ракәын.
– Иҭахаз сашьцәа аҩыџьа рыԥсы ҭаны еибга-изҩыда
абри адунеи исзықәындаз, сдунеи ахаан џьара акы сшазымхьрыз… – иҳәон Авдениа Џьапуа, анаџьалбеит, игәы
кыдшәома уҳәартә, инарҵауланы даақәыԥсычҳаны.
Ҷиҷико иашьцәа зегьы дреиҵбуп Гьаргь (Жора).
Гьаргь хыԥхьаӡара рацәала аибашьратә, иара убас
аҭынч-нхаратә орденқәеи амедалқәеи ианаршьахьеит дызхылҵыз иԥсадгьыли иуаажәлари рҿаԥхьа
хьыӡла-ԥшала иуалԥшьақәа ахьынаигӡахьоу азы, аха
зегь дара роуп, ари ахаҵа иҳамҭақәа раасҭа аибашьра инаҭаз ахәрақәа еиҳауп. Ихьанҭоуп, ихьаауп Гьаргь
изын ихәра мжьыжькқәа раҵкьысгьы иан лыӷра
ицҭшаз иашьцәа аԥшьҩыкгьы (Владимир, Џьавдеҭ,
Авдениа, Ҷиҷико) рыдунеи ахьырыԥсаххьоу. Иара
дреиҵбуп урҭ зегьы. Заа инымҩатәны ишазгәаҳҭахьоу
еиԥш, ажәлар рымаҵ аураҿы еиуеиԥшым амаҵурақәа
ныҟәигахьеит. Аҵыхәтәан атәанчарахьы диасаанӡа
Очамчыра араион ақыҭа нхамҩеи ааглыхреи рнапхгара аҳасабеилыргаҩ хадас аус иуан. Иахьа, қәрала

дахьынӡааихьоу, иҭаацәара, ихы-ихшара
анцәа
ишиҳәара дыҟоуп. Ихатәҩыза – иԥшәма Еҭерии иареи
ирымоуп ԥшьҩык аԥацәа: Роберт, Анатоли, Борис, Беслан – иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгахьеит. Урҭ зегьы
рҭаацәарақәа, дара рхы-рыхшара, рдац-ԥашә даара
имахәҿараауп. Рҵарадыррақәа рыла, рызҳашьа, наҟнаҟтәи рԥеиԥш лаша уҳәа урызхәыцыр, даара уаҩ игәы
аззырҳаша, узеигәырӷьаша уаауп. Абырг инаиркны,
зегьы иреиҵыбӡоу ахәыҷқәа рҟынӡа рыԥсҭазаарақәа,
рцәаҩақәа, изҿу, ма рхықәкқәа урызхәыцуазар аӡәаӡәа­
ла зегьы рыӡбахә уҳәозаргьы аԥхьаҩ дазҿлымҳахартә,
гәахәала идикылартә иҟоуп, аха ҳара ҳусумҭа хәыҷы
конкретла ахықәкы Ҷиҷико Џьонуа иԥсҭазааратә мҩеи
ирҿиамҭеи рыҭҵаара иахьазку аҟнытә, жьрацәарала
изааигәаз, икәша-мыкәша игылаз ауаа рыӡбахә ҳамҳәар
амургьы, маҷк иаҳмыркьаҿыр ԥсыхәа ҳамам. Убри
аҟнытә, зны-зынла ҳинформациатә материал идырны
иҳармаҷуазар, аҭамзаара шьҭаҳҵоит изыхцәажәатәу
ауааи, аԥхьаҩцәеи рҿаԥхьа.
Егьа убас иҟазаргьы, Ҷ.Џьонуа игениологиатә ҵла
амахәҭақәак алҳкаауеит уеизгьы.
Роберт Џьонуа иҷкәын заҵә Адгәыр, аҵара иҵоит
Москватәи ашколқәа руак аҟны, 11-тәи акласс даҵаҩуп.
Узеигәырӷьаша ихатәы бызшәа дазҿлымҳауп, ибзиангьы идыруеит.
Гьаргь Џьонуа иҷкәын Анатоли дынџьныр-техно­
логын, Очамчыра араион амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан,
ашьҭахь Апартиа Аԥснытәи обком ақыҭанхамҩа аҟәша
деиҳабын. Аԥсуа жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра
ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит. Уи иԥшәмаԥҳәыс Нанна
Чқәанԥҳа занааҭла дырҵаҩуп, иԥҳа Амина лакәзар дыстудентуп, Москватәи амедицинатә институтқәа руак
аҟны аҳақьым изанааҭ лнапаҿы иаалгоит. Гьаргь егьи
иҷкәын – Борис Џьонуа дҵарауаҩуп, афилологиатә
ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп, уи иԥшәмаԥҳәыс

Сима Дбарԥҳа аҭоурыхҭҵаарақәа дыркандидатуп, ддоцентуп. Бориси Симеи хҩык ахшара (Гәдиса, Марҭа,
Дамеи) рымоуп, урҭ рахьтә ҩыџьа студентцәоуп, Ауниверситет иҭоуп, аӡәы дҵаҩуп жә-класск рҿы дтәоуп
,Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ дҭоуп. Беслан
Џьонуа дынџьныр-технологуп, дҭаацәароуп, иԥҳәыс
Анжела Кәакәасқьырԥҳа дырҵаҩуп, рԥа Саиди, рыԥҳа
Сариеи аҵара рҵоит Очамчыратәи аԥсуа бжьаратә
школ аҟны…
Ажәакала дзыргәырӷьаша рацәоуп Гьаргь Џьонуа
иҭаацәараҿы, ихы-ихшара, иҵакыраҿы, ииашьараҿы.
Аха ихигахьоу аамҭақәа ртытуа данрылалалак
илахь еиқәызҵо, игәы зырԥшаауа рацәахо иалагоит. Игәалашәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иала­
ӡыз иашьцәа Володиеи Џьавдеҭи, аибашьраҿы иоуз
ахәрақәа аибашьра ашьҭахь заџьал драаигәаз Авдениа,
дигәалашәоит 1954 шықәса рзы зыԥсҭазаара иалҵыз
иаб Махаз Дауҭ-иԥа, ус шаҟа хҭыс, шаҟа рыцҳара,
шаҟаҩы мацәыс-еимҟьараҵас иааины иҿаҿаӡа илакҭа
ихгылозеи Гьаргь Џьонуа… Иаб Махази иашьцәа
аԥшьҩыки аибашьрахь ианца, иаргьы Аимареи Ҷлоуи
ихы изықәымкуа даналага, ҽнак Гьаргь арзаҳал ҩны
иџьыба илҭаҵаны ихатәгәаԥхарала афронт ахь дцарц
Очамчыраҟа арратә комиссариат ашҟа амҩа дықәлеит.
Аимаратәи аҳабла-мҩаду даныланы дышнеиуаз, 80
шықәса зхыҵуаз, усҟантәи аамҭазы Џьапуаа риашьа­
раҿы зегьы иреиҳабыз ауаҩ бырг Џьапуа Ҭамшьыгә
илабашьа рзаа-рзаа иргыло Гьаргь иҽааихьигӡеит.
– Дад, Жора, уҽаанкылишь ҳамҭакы, уаасзыӡырҩи,
ҳәатәык сымоуп уара уҿы…
Жора даанҿасит.. – Уара шәанаџьалбеит, Џьапуаа
ашәырқыҭ ҳахьыҟоу, лак иасра хаҵарԥыск дыҟамкәа
зегь ықәҵны еибашьра ишцаз шәымбаӡои, шәлашәхама
зынӡа. Шәара шәаб Махаз иакәын абыргцәа ҳахь еиҳа
акыр зылшоны иҟаз, уигьы иҷкәынцәа аиҳабацәа

аԥшьҩык раԥхьа дҩагылан аӷа хәымга диҿагылахьан
усгьы. Уара аӡәзаҵәык уакәын дад, Жора, абыргцәа
аӡәы ҳаԥсыргьы ҳирҽеип ҳәа сзықәгәыӷуаз, уажәы
уаргьы афронт ашҟа ухатәгәаԥхарала удәықәлеит
анырҳәа, ламыс имазар дышԥасхамҵгылари, сиҳәап,
арра дмышьҭыкәа дааныскылап ҳәа сушьҭалеит ишубо… Дад, зхьышьаргәыҵа сакәыхшоу Анцәа дсыман
суҳәоит, шәабиԥара аҟнытә, ма уара аӡәзаҵәык ақыҭан
уаҳзаангыларц… Сықәра, сышлара уазхәыц абааԥсы…
Суҳәоит, иахьеи-уаҵәи иԥсыша уаҩуп, сыԥсыр, ҭынха
дсымамшәа, аҳәсеибацәеи аҭакәажәцәеи рыда ԥсыжҩы
дысмоуа сҟоумҵан, ажәларгьы иуџьыршьарым дад,
ус еиԥш сзумун. Ҳарҭ Аимараа ҳашьхауаауп, даҽа
ҵас-қьабзқәак, даҽа еихаҵгылашьа ԥшӡақәак ҳаман,
урыӷрамгылан, Анцәагьы игәы иахәарым ҷкәына еибагак дҳаламкәа ҳаанхар…
…Усҟан Ҷлоу ақыҭан жәлантәык дырхыбаҩын Џьапуа
Ҭамшьыгә. Жәлантәык реиҳабы, ԥааимбарк диҩызан,
уи даниҳәа иажәа ҩбамтәкәа, дзызиҳәаз наигӡар акәын
Гьаргь… Аҳәара аҽи акәадыри иаԥсоуп рҳәоит аԥсуаа…
Аха, Гьаргь Ҭамшьыгә дзызиҳәаз изынамыгӡеит… Дцеит
иаби, иашьцәа аԥшьҩыки ахьеибашьуаз, рыԥсадгьыли
рыжәлари руалԥшьа ахьынарыгӡоз аибашьрахь. Убри
аибашьра адәаҿы 1942 шықәса рзы иоуз ахәра ӷәӷәеи,
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иуалԥшьа нагӡаны
Аимараҟа даанӡа зыԥсҭазаара иалҵыз аҭаҳмада Џьапуа
Ҭамшьыгә игәыхәтәы ахьизынамыгӡази иахьагьы
еиқәымтәаӡо хьааны имоуп Гьаргь Џьонуа… Ус шаҟа
хьаа инаҭозеи ари ауаҩ гәыраз, ауаҩы ҟәымшәышә
ихәрақәа зырҿыцуа, изырмжьыжькуа, иахьа ҳажәлари
ҳаԥсадгьыли зҭагылоу аамҭагьы…
Заа ишазгәаҳҭаз еиԥш, 1941 шықәсазы гитлертә
фашист мҵарсыҩцәа рхарала ҳсовет жәлар ашьаар­
ҵәыратә еибашьра анырзыҟала, Ҷиҷико Џьонуа ари аибашьра апатриот ишиаҭәаз ихы алаирхәит. Ашәҟәыҩҩы

иԥсҭазаара абри апериод ахцәажәара иара инапала
ииҩыз иавтобиографиа аҟнытә иаагоу иажәақәа рыла
салагоит. Абар уи ииҳәо:
«1941 шықәса. Аџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсад­
гьыл ашәарҭара иҭагылеит. Абџьар кны санылоит ар
рымҩа. Аҟәатәи ашьаҟар ручилишьче саналгалак, сналагылоит афронт пылҳаҭ, нас – агоспиталь, дырҩегьых
афронт, агоспиталь еиҭах.
– Аибашьра иасакьаҳәымҭоуп. Абомбақәа ҵыхәа­
ԥҵәа­рада аршәаа иасуеит, амшын ихушәа адгьыл
ҵысуеит, алҩа иахәаҽуеит ақалақьқәа, ашьа кьасоит…
Сан илыхшаз хәҩык аишьцәа Аԥсадгьыл азы ақәԥара
ҳалоуп, аха аиҳабацәа ҩыџьа рхысбыжь еихсыӷьит,
уаҳа рхабар збаӡом… Агәырҩа… Алаӷырӡ… Гәыҟажагас
иҟаӡоу аӷа атәыла иалцара, насгьы дԥыххаа иқәҵара
ауп».1
Иагьмаҷыҩӡам Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан
Ҷ.Џьонуа иазыҟаиҵоз аибашьцәа, урҭ драԥхьагыланы
дахьеибашьуаз
ҭыԥқәан:
ақыҭақәа, ақалақьқәа,
ашьхақәа, акаршәрақәа, абнақәа, аӡиасқәа…
Уи Аҟәатәи ашьаҟар рҵараиурҭа даналга нахыс
абџьар кны деибашьуан Нхыҵ Кавкази Сталинград
ақалақьи рыбжьара еилашуаз афронтқәа жәпакы рҿы.
Дфицарын, днаӡеит акапитан ичын аҟынӡа… Ихьааигон, афронтқәа рыҟны аидысларақәа раан иоуаз ахәра
ӷәӷәақәа рыхәшәтәрақәа рзын арратә госпитальқәа
(хәышәтәырҭақәа) рыҟны иҟазаара иицәагоз аамҭа.
Ҷ. Џьонуа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан дахьеибашьуаз, уахи-ҽни дмыцәа-дымтәа ар рымҩа дахьаныз, изныкымкәа дахьнанагоз ҭыԥқәан: Азов, Батаиск, Пиотр Актәи ир ахьазыҟаиҵоз аҭыԥ – Турецки
Вал, Цимлианск, Красныи Лог, Махачкала, Буинакск,

1 Ҷиҷико Џьонуа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи.
Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа. Аҟәа, 1975, ад. 5–6

Сальск, Армавир, Тҟәаԥс, Красноармеискаиа, Краснодар, Новороссииск, Лазаревка, Пасека, Северскаиа,
Ильск, Холмск, Ростов, Будионовка, Новочеркасск,
Кисловодск, Моздок, Грозныи, Орџьоникиӡе, Ставрополь, Лаба, Дон аӡиасқәа рхықәқәа жәпакы уҳәа убас
ирацәаны. Ҷ. Џьонуа акырынтә данырхәлак, афронт
аҟны дзымеибашьыртә имчқәа анкаԥсалак аибашьцәа
ҿарацәа разыҟаҵара дазыркуан. Уи иазыҟаиҵоз
аибашьцәа еиуеиԥшым Асовет архәҭақәа иахьырҭахыз
ирхьигӡарц иҭан дрышьҭхьан: Польша, Румыниа, Чита,
Бақәа, Аладатәи Иран, ақалақьқәа: Џьульфа, Макуи,
Хое уҳәа убас акырџьара, аха иҟан арҭ еиқәаҳаԥхьаӡаз
тәылақәак рыҟны иазыҟаҵамҭацәа раԥхьа дгылан данеибашьуазгьы.
Асовет жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеит, гитлертә фашист мпыҵахалаҩцәа раҵархара­
ла. Аԥсуа шәҟәыҩҩ – аибашьҩы дхынҳәит Аԥсныҟа.
Аибашьраҿы иоуз ахәра ӷәӷәақәа ӷьахьан, аха ира­
цәан ихьаақәа: иашьцәа ҩыџьа рҭахара, ҳажәлар
ирхыр­газ аԥсҭбарақәа, ҳтәыла аибашьра ирнаҭаз
ааха­қәа Ҷ.Џьонуа ихьаақәа ирхьаан, урҭ иара ҭынч
ддыртәомызт, ддырцәомызт.
Абар ари аамҭа, заа зыӡбахә ҳҳәахьоу иавтобиог­
рафиаҿы Ҷ. Џьонуа ишигәалаиршәо: «Асовет уаа аибашьра иалгеит, Аиааира ганы. Аԥсныҟа схынҳәит саргьы, аха афронт аҟны акы схашҭызшәа сгәы хьаауеит…
Ажәлар азықәԥоит аибашьра иахҟьаз ахәра арӷьара.
Сара агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциа аҟны аусура салагоит. 1956 шықәсанӡа араҟа амаҵура сара сзы ишколны иҟалеит».
Ҷ. Џьонуа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду анеилга
ашьҭахьтәи иԥсҭазаара акыр инхарҭәааны аҭҵааразы
аинтерес рыҵоуп уи диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкны
ашәҟәыҩҩ, апрофессор Гьаргь Гәыблиа «Иналукааша
аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩ» ҳәа, хыс иаҭаны агазеҭ «Аԥсны»

ианиҵаз астатиаҿы иааиго дырраҭарақәак. Иахәҭаны
исыԥхьаӡоит урҭ араҟа ргәаларшәара: «Аџьын­џь­
тәылатәи аибашьра аҟнытә даныхынҳә, мыз­қәак Аимара иани иаби рҿы дыҟан. Дук хара имгакәа Аҟәаҟа
иԥхьан, агазеҭ «Аԥсны Ҟаԥшь» аредакциаҿы аусура далагоит, зназы хатә корреспондентс, нас акультуреи абзазареи рыҟәша аиҳабыс дҟарҵоит иара».
Абраҟа иҳәоу иацысҵар сҭахуп «Сара схы-сҵыхәа»
зыхьӡу Ҷ. Џьонуа инапы зҵаҩу иавтобиографиа аҟнытә
иаагоу, уи ибиографиа хазырҭәаауа дырраҭарақәак. Уи
адокумент излаҳәо ала Ҷ. Џьонуа агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь»
аредакциаҿы аусура далагеит 1946 шықәса рзы. Убраҟа
аус шиуаз далгеит Қырҭтәылатәи Акомпартиа Ацентр
Комитет иатәыз апартиатә школ. Усҟантәи аамҭазы,
апартиатә школ апрестиж змаз ҵараиурҭан, еиҳа­
раӡакгьы, ауаажәларраҿы ҳаҭыр ақәырҵон акьыԥхь
амаҵ зуаз ауаа уи ианалгоз.
Ҳәарас иаҭахузеи, ес-аашар иҭыҵуаз аԥсуа газеҭ
«Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы акыр шықәса литерату­
ратә усзуҩыс иусуреи, нас, 1948 шықәса инаркны 1956
шықәсқәа раан акультуреи абзазареи рыҟәша аиҳабыс
иусуреи, Ҷ. Џьонуа ихаҭа ииашан ишазгәеиҭаз еиԥш,
иара изын даара ишкол дуун. Акыр шықәса алитературеи, акультуреи, абзазареи ирызкыз аматериалқәа
реиҿкаара, аҟәша иаднагалоз авторцәа рышәҟәқәа зегьы аус рыдулара, ркьыԥхьра иаԥсахартә анапы рыҵх­ра,
апоет, апрозаҩҩы ихатәы ҩышьатә стиль ашьақә­гыла­
ра акыр иацхрааит, иараӡеит, абырҵкал икылнахит,
иркьаҿны, иԥҟаны, ахшыҩҵак гәылыршәаны, аҳәоу
артәара дазҟазаны дҟанаҵеит. Ари ҟаимаҭла ихыр­
ҳаганы ирныԥшит жәашықәса инареиҳаны инапы
иҵихуаз, агазеҭ адаҟьақәа рыҟны иикьыԥхьуаз шәҩыла
акорреспондентцәа рҩымҭақәа, иара убас иара автор ихаҭа иажәеинраалақәа, иажәабжьқәа, идраматә
ԥҵамҭақәа, истатиақәа.

Ҷ. Џьонуа 1952 шықәса, ԥхынгәымза 23 инарк­
ны, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәылан, 1953
шықәса инаркны КПСС далан. Иазгәаҭатәуп, уи апартиа Аԥснытәи аобласттә Комитет аревизиатә комиссиеи, Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгареи, абиурои дышрылахәылаз, аџьажәлар Аҟәатәи рықалақьтә
Хеилак ашҟа изныкымкәа депутатс дшалырххьаз.
1957 шықәса рзы, аԥсуа хәыҷтәы журнал «Амцабз»
анышьақәыргылаха аҽны инаркны, уи аредакциа аҭак­
зыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс дҟарҵеит. Ари аҭак­­ԥхықәра ду
зцыз амаҵураҿы аус иуан уи 1966 шықә­санӡа.
Сара сынасыԥ иалан, абри ажурнал аредакциаҿы,
1958 шықәса нанҳәамза акы инаркны, 1964 шықәса
нанҳәамза акынӡа литературатә усзуҩыс аус ицура. Уи
аамҭазы ари ажурнал аредакторс дыҟан еицырдыруа
аԥсуа журналист, ауаажәларратә усзуҩы, ашәҟәыҩҩы
Мушьни Аҳашба, ажурнал асахьаркыратә редакторс
дыҟан Илиа Шенгелаиа, длитературатә усзуҩын ахәыҷ­
тәы шәҟәыҩҩы Нури Бараҭелиа, аредакциаҿы аус руан,
иара убас Палина Бебиаԥҳаи Мери Кәыҵниаԥҳаи.
Аредакциаҿы еснагь ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьа
бзиа, аӡәи-аӡәи реихӡыӡаара, досу дызҿыз аус ҭак­
ԥхықәра ҳаракыла азнеира аҳра ауан. Сара сгәанала
уи зегь раԥхьаӡа изыбзоураз Мушьни Аҳашбеи Ҷиҷико
Џьонуеи ракәын. Ирацәан Ҷ. Џьонуа узлаиҿыԥшышаз.
Уи поетк, журналистк, прозаҩҩык иаҳасабала исахьарку ажәа аҟазара ҭакԥхықәрала дазнеиуан, импыҵыҵ­
уаз аҳәоу аҟны ажәа артәашьа мыцхәы дацклаԥшуан,
дстилист ҟаимаҭын, ажурнал ианылоз аматериалқәа
зегьы рыҟны ҳәоук иадамхаргьы еилыҩры-еилҵәыруа,
аԥхьаҩ иҿцәажәара аруадаҩуа, ибз аҟәаҟәа ԥнаҵәартә
иҟалар иуӡомызт.
Ҷыдала агәцаракреи, аҭакԥхықәреи, апринципреи
ааирԥшуан ҿыц арҿиаратә усура напы азыркуаз аҿар
рҩымҭақәа данрыԥхьоз.

Абри аганахьала аинтерес аҵоуп ҳәа сгәы иаанагоит
1958 шықәса рзы, ажурнал «Амцабз» аредакциаҿы аусура саналага ашьҭахь мызқәак ҵхьаны аиԥш, ҽнак зны
Ҷ. Џьонуеи сареи иҳамаз аицәажәара.
Сара, Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә университет саналгашаз аламҭала, сҩызцәа аҷкәынцәа – астудентцәа
зегьы реиԥш, мызкы Ермантәыла сыҟан, арратә лагер са-хысуан (ҳуниверситет аҟны арратә ус аҵаразы
акафедра ахьыҟаз аҟнытә, аҵара ҳҵонаҵы ес-ԥхынра
мызкы-мызкы еиуеиԥшым ақалақьқәеи аҭыԥқәеи
рышҟа ҳганы хынтә арратә лагер ҳахрыжьлон). 1958
шықәса ԥхынгәымзазы, арратә лагер аҟны исхызгаз
ауадаҩрақәа ҵаҵӷәыс ирыҭаны, жәохә жәеинраала
раҟара ҩны исыман, убри ҽнак ҳәа санаҿу аҽны,
Ҷиҷико Џьонуа сизрыԥхьарц сыӡбит, сагьизрыԥхьеит.
Апоет сажәеинраалақәа дырзыӡырҩит ибзианы, ҩба­
ҟа-хԥаҟа жәеинраалагьы ирҽхәеит, амала акакала
сажәеинраалақәа зегьы напы аарылеикын, ирыгызирыбзаз ҳәа игәы иаанагоз акгьы мӡакәан исеиҳәеит.
Саргьы аџьабаа ахьисырбаз азы аҭамзаара шьҭа­ҵо,
«иҭа­буп» ҳәа, иасҳәеит. Ҳаицәажәара ахыркәшамҭаз
Ҷ. Џьонуа абас азҵаара сиҭеит:
– Борис, шаҟа шықәса уҟааз арра, насгьы иарбан
ҭыԥқәаз аррамаҵура уахьахысуаз?
– Ҷиҷико Михаил-иԥа, сара арратә маҵураҵәҟьаҿ
сыҟаӡамызт. Аҵара ахьысҵоз Ауниверситет аҟны
арратә кафедра ыҟан, аҟнытә, хәышықәса рыҩнуҵҟа
есымчыбжьа ҽнак арратә ус азы аҵара ҳахысуан.
Хәышықәса рахьтә хымз, Қарҭ азааигәара Авҷала ҳәа
иахьашьҭоу аҭыԥ аҟни Ермантәыла Аршалуитәи арратә
ус аҽазыҟаҵаразы аполигонқәа рыҟни арратә ус азы
аҽазыҟаҵарақәа сырхысуан ауп, – сҳәеит сара, арратә
ус аҿгьы сыҟәнушьартә сыҟам сҳәарашәа сҽаарҟасаны.
– Аа, ус акәзар, еилкаауп, – иҳәеит Ҷиҷико Ми­
ха­и л-иԥа, ибла разқәа ччаԥшьк ашәаԥшь-лаша на­

рыхҵаны. – Амала, аиаша уасҳәап, хымзтәи урратә лагер ахгаразын, жәохә жәеинраала мыцхә­цәоуп, ҳәарада,
сара Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны ԥшьышықәса
абџьар кны сеибашьуан, аха хәбаҟа жәеинраала роуп
зыҩра сахьӡахьоу, – иҳәеит ҳаицәажәара ччаԥшь лашала иаахыркәшаны.
Сгәанала, ари ҳзыхцәажәаз ахҭысгьы иаҳәоит
Ҷиҷико Михаил-иԥа исахьарку апоезиатә ажәа
аҟазара шаҟа ҭакԥхықәрала дазнеиуаз. Аиашазы, апоети сареи ҳаицәажәара ашьҭахь сажәеинраалақәа
сеиҭарыхәамԥшыр
амуӡеит,
жәохә
жәеинраала
рахьтәгьы ҩ-жәеинраалак роуп акьыԥхь ашҟа ицәы­
рызгазгьы.
Ҷ. Џьонуеи сареи ажурнал «Амцабз» аҟнытәи ҳусеицура саназхәыцуа исгәалашәоит ахаан исхамышҭ­уа
даҽа хҭыскгьы:
Ҽнак зны Аҟәа ақалақь аҿтәи усбарҭақәак рыҟны
ажурнал «Амцабз» аԥсуаа рнапы шаҵарҩыз гәаҭ ҳәа
анапынҵа исиҭахьаз шынасыгӡаз иасҳәарц, иаргьы
снаиацәажәарц Ҷиҷико Михаил-иԥа иусурҭа акабинет
ашә снас-насны сныҩналеит.
– Оо, Борис, уааира даара сгәы иаахәоит, уҩнал,
уаатәа, абыржә умааиргьы Нурии уареи шәахь снеирц акәын. Иахьа даара сзыргәырӷьаз ҷкәынак
дысҭан,иӡбахә шәасҳәар сҭахын, – иҳәеит Ҷиҷико
Михаил-иԥа игәалаҟара шыбзиоу мҩашьо, дычча-ччо,
дҩагыланы аԥсшәа саҳәо. Саргьы сызнеиз аус аӡбахә
саламлакәа, – дызусҭада, шәымҳәои, Ҷиҷико Михаилиԥа, ас шәзыргәырӷьаз?! – азҵаара наисҭеит.
– Иахьа, схы иҭамкәа, сгәы иҭамкәа, ашьшьыҳәа
скабинетаҿы стәаны аусура сшаҿыз, уаҳа назҭахым
аԥсыуа поет заманак дсыԥшааит, – иҳәеит иара
дгәырӷьаҵәа.
– Дызусҭда, дабатәиу шәымҳәои, ас шәзыргәырӷьаз
ауаҩы?!

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа уадаҩ - 2
  • Büleklär
  • Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа уадаҩ - 1
    Süzlärneñ gomumi sanı 3364
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2129
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа уадаҩ - 2
    Süzlärneñ gomumi sanı 3391
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2211
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа уадаҩ - 3
    Süzlärneñ gomumi sanı 3342
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2149
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа уадаҩ - 4
    Süzlärneñ gomumi sanı 3295
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2029
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа уадаҩ - 5
    Süzlärneñ gomumi sanı 3325
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2091
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа уадаҩ - 6
    Süzlärneñ gomumi sanı 3440
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2184
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа уадаҩ - 7
    Süzlärneñ gomumi sanı 3405
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2100
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа уадаҩ - 8
    Süzlärneñ gomumi sanı 2707
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1718
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.