Latin

Аҳ иԥҳа - 1

Süzlärneñ gomumi sanı 3339
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Валери Касланӡиа

АҲ ИԤҲА
Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи алакәқәеи

Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа
Аҟәа, 2016

Касланӡиа, В. П.
К 31 Аҳ иԥҳа : ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи
алакәқәеи / Валери Касланӡиа. – Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа. Аҟәа, 2016. – 184 д.

Аизга ианылеит апоет, адраматург Валери
Касланӡиа ахәыҷқәа рзы иаԥиҵаз аҩымҭақәа.

© Касланӡиа, В. П., 2016
© Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, 2016

Аԥхьажәа
Апоет Валери Касланӡиа аԥхьаҩцәа дырдыруеит ир­ҿиам­ҭақәа рыла. Уи инапы иҵыҵхьеит
Аԥсадгьыл, аиҩызара, абзиабабара уҳәа наунагӡа
иҟоу атемақәа рыла иаԥҵоу ажәеинраалақәа,
апрозатә, аадраматә рҿиамҭақәа. Уи иҩым­
ҭақәа ҷыдарас ирымоуп жәа маҷла иҵауылоу
ахшыҩҵакқәа раарԥшра, ахҭысқәа краамҭа ауаҩы ихаҿы иаанхартә иҟазҵо ашәыгақәа рыла
рҭыхра.
Валери Касланӡиа ирҿиаратә мҩа данылеит
ахәыҷ­қәа ирызку аҩымҭақәа раԥҵарала. 50-тәи
ашықә­сқәа ралагамҭазы аԥсуа ԥхьаҩцәа ахәыҷ­­
тәы поет ду Шалуа Ҵәыџьба иҭижьыз ашәҟәы
«Аԥшәма хәыҷы» еигәырӷьаны ишрыдыркылаз еиԥш, даҽа 15–20 шықәса рышьҭахь урҭ
иргәарԥханы ирыдыркылеит Валери Касланӡиа
ахәыҷқәа ирзикыз иажәеинраалақәагьы. Урҭ
шамахамзар аҵа­бырг иалхуп, ахәыҷқәа рдунеи
аазырԥшуа сиужетқәоуп. Дара аарԥшуп исахьарку ажәала. Апоет иԥсадгьыл иза­ҟәымҭхо бзиа

ибоит аԥсуа ибызшәа. «Аԥсуа ибызшәа» зыхьӡу,
– ажәа мариала, ажәа ҟәандала, ауаҩы игәы
шьҭызхуа, ауаҩы хамеигӡарада иԥсадгьыл бзиа
изырбо ажәала иҩу ари ажәеинраала, уи еибаркны измоу асахьақәа, ажәҩан аҟынтә Аԥсны
зхазы изҭахыз Анцәа ду иааи­шьҭызшәа аԥхара
рыҵоуп, иԥшӡоуп, ахәыҷы игәаҿы-иҿаҿы иааиуеит, игәалашәараҿы инхоит.
Аԥсуа ибызшәала
Адунеи еибаркуп.
Аԥсуа ибызшәала
Адунеи еилкаатәуп.

Ари ажәеинраала иагәылоу ҩ-цәаҳәак –
«Аԥсуа ибыз­шәала адунеи еилкаатәуп» ала автор
иҳәеит аԥ­­суа иԥсуара атәы, иааирԥшит иҟазшьа,
ихәыцшьа, иду­­неи­хәаԥшышьа. Аԥхьаҩ хәыҷы
изы арҭ ацәаҳәақәа иаадырԥшуеит ажәақәа
рыԥшӡара, реихышәшәашьа, аха аԥхьаҩ наӡааӡа
изы ацәаҳәақәа рҵакы иаҳа иҭ­баауп, аԥсҭазаара
ду иатәуп, афилософиа аҵоуп. Аԥ­суа изы
аԥсшәа – иара игәы еизырсуа, иԥсы лазгаҩазго,
иԥсҭазаара агьамаҷыда азҭоу акы акәны иҟоуп.
Аха уи закәыҵәҟьоу сара сеиҳа иркьаҿны, имарианы, еи­хышәшәо иҟоу ажәақәа рыла иҳәеит
автор:
Ԥсышәак улымҳаҿ
Имгар, ҳаӷеиҭа,

Хаарак ахылом
Адунеи ахаҭа!

Ашәҭқәа рыбжьара шәҭык кан­ӡар, абаҳча зегь
канӡар алшоит, убри азыноуп аԥсшәа аныҟам адунеи хаарак ахымлар ҟалап ҳәа аԥсуа агәаанагара
зиз­цәырҵуагьы. Ажәеинраалак ахцәажәара аам­
ҭа ра­цәаны иасҭеит, аха абасҵәҟьа иугәаԥханы
узыԥ­хьаша жәеинраалақәоуп: «Армаӷьырма»,
«Аҳам­ҭа», «Аб­жы», «Абрскьыл», «Ҳарҭ ақыҭаҿы
ҳанхоит», «Ацу­­фа­ра» уҳәа убас егьырҭ ажәеинраалақәагьы.
Валери Касланӡиа ари ишәҟә ҿыц иалеигалеит шамахамзар ҳара ҳпоетцәа рҩымҭақәа
реизгақәа рҿы иумԥыхьамшәо аҟәшақәа. Уи
иахьӡуп «Иажәеинраалоу ацуфарақәа». Еилкаауп, ацуфара ахәыҷ изын аиԥш иара аду изынгьы иамоу аҵакы зеиԥшроу. Уи ҳара иаҳ­нарҵоит
ахәыцшьа, аԥшаашьа, уи ҳара ҳхы-ҳгәы ар­
хыҭхыҭуеит, иаадыруа агәра ҳнаргоит, иаҳ­зым­
дыруа ҳашьҭанаҵоит, ҳарҟәышуеит, ҳанкыдхало
акәым­кәа, иаарццакны аз­ҵаа­рақәа рҭак ҟаҳҵартә адыр­рақәа ҳнаҭоит. Абар аҿыр­ԥштәы.
Аҵла сықәуп
Ажь ҭаауа,
Раха змада
Ицо, иаауа.

Аха усгьы
Уара уааит,
Исоуҳәо иарбан?
Нар ...

Ажәақәа алԥшааны, аԥсуа бзазара иатәу атемала, ажәа ҭлапҟақәа аламҵакәа, еихышәшәаеиҵышәшәа иҩуп ари ашәҟәаҿы еидкылоу
«Иажәеинраалоу ацуфа­рақәа». Ас иҟоу, заԥҵара
мариам ажәа, ахәыҷы ибз ианаало, аҿаҿы иааиуа ажәақәа рыла иҩу ажәеинраалақәа иахьа,
аԥсуа бызшәа иамоу аҭагылазаашьа здыруа зегь
адгылоит, аҳауа аиԥш, аӡы аиԥш ирҭахуп.
Икьаҿу ахәыҷтәы поезиа иаҷыданы Валери
Кас­лан­ӡиа аԥхьаҩцәа ириҭоит еиҳа инеиҵыху,
зса­хьа­ркыратә шәыгақәа ауаҩ илаԥш аҿы иаанхо аҩымҭа­қәагьы. Арҭ арҿиамҭақәа рҿы, –
хьыӡҳәала иаагозар, «Аҵан Кәана», «Ашьышьԥагьа иазку алакә», «Даӷь-Да­ӷьына» аҳәашьала,
асиужет ацашьала, аҩым­ҭақәа ир­зиԥшааз
аритм ала, ажәлар рҿаԥыц ҳәам­­ҭақәа рбыз­шәа,
рсахьаркыратә знеишьақәа, ауа­­ҩи аԥсабареи
реи­мадарақәа, рхибарҭәаара атәоуп иуарҳәо.
Даӷь-Даӷьына аныҟәарақәа, изынио ахҭысқәа,
иахьиз, адәы иахьықәлаз «ахан» ашҟа ахын­­ҳәра,
уи зыниаз ашәар­ҭарақәа рсахьа анҭихуаз, автор
урҭ иры­ц­ҭихит, аиашазы, Аԥсны иамоу алакә
ҭыԥ­қәа рса­хьа­қәагьы. Уи иаанаго маҷӡам, аԥхьаҩ
хәы­ҷы макьа­на ицәыримгац исахьаркыратә гьама аарԥ­шра­зы.

Сара сгәанала Валери Касланӡиа поетк,
хәыцҩык, сахьаҭыхҩык иаҳасабала дҳаракны
дҟанаҵоит илакә по­ема «Аҳ иԥҳа». Араҟагьы
ауаҩы иԥылоит ажәлар рҳәам­ҭақәа рмотивқәа,
рформа, аха аҩымҭа агәы аартны унҭаԥшыр –
иубо автор ибаҩхатәра иа­хыл­­ҵыз аԥшӡара ауп.
Раԥхьаӡа иргыланы, лымкаала ари аҩым­ҭа­ҿы
аԥхьаҩ дхызхуа ак акәны иҟоуп апоет ибыз­­
шәа. Иарбан ҩымҭазаалакгьы, ажәытәӡатәи
али­­­тературатә ба­ҟақәа инадыркны иахьатәи
аԥ­ҵам­­ҭақәа рҟынӡа ԥсеив­гагас, гәыҭҳәаагас,
рҿыхагас иры­­­моу абызшәа ацқьа­ра ауп. Аурыс
шәҟәыҩҩ ду Кон­стан­­­тин Федин али­­те­ратуратә
статиақәа руак аҿы иҩуан: «Бызшәа цқьа­ла иҩу
аԥҵамҭаҿ зда ԥсыхәа ыҟам акомпозициагьы
иуз­гәам­ҭаӡакәа шьҭахьҟа ихьа­­ҵыр алшоит».
Зыӡбахә ҳамоу алакә автор ахы икуеит аҳ иԥҳа
илы­з­ку ацәаҳәақәа рыла. Аха ас ԥсабарала ишаны адәы иқәлаз аԥҳәызба шаҟа дыссиру, шаҟа
дыжәҩантәу аар­ԥшра азин змоу автор иакәӡам,
аҳәынҭқар иакәӡам. Аԥҳәызба лыԥшӡара асахьа
ҭызхуа, уи «алаԥш лызмыркуа» ҳәа иҟоуп ҳара
иаҳамбо, аха изаҳалак зыдгыло, ирыдыркыло
ажәақәа зҳәо ахԥатәи амч: «Ԥҳа ссирк димоуп
изызҳаз, Аџьныш илаԥш уи лыҟәгаз»… «Уи деинаалоуп, уи дгәыкуп, Даара, даараӡа дразуп»…
Аҳ иԥҳа аҭаацәара далалартә илызҳаит. Лашҭаҿ арԥарцәа еизеит, еицлабит, илеиҽырбеит,
аха ла­ра ил­гәаԥхоз аӡәгьы длымбеит. Асеиԥш
ажәҩан агәаԥ­харала ишаны адәы иқәлаз

аԥҳәызба насыԥда дынхари аԥсаба­ра аԥшӡара
амҵәари еиԥшын.
Уи лылаԥш рықәшәоит ҩыџьа аҽцәа, аӡә
иаҵкыс аӡә деинааланы: «Иалылхрыда – адоуцәа,
Игәарԥханы ишеит Анцәа». Абри инаркны иалагоит алакә-ԥҳәыз­ба иалылхран иҟоу алакәрԥыс икәшамыкәша асиужеит аҿиара, автортә
еиҿырԥшра, аԥсабара асахьақәа раарԥшра.
Иара убас ашәҟәы иануп прозала иҩу «Қамс
иԥа Қәасеи Гәаԥха-Ԥшӡеи» зыхьӡу алакә. Уи
уанаԥхьо арыцҳашьареи ахьаагареи шумоу,
аҵыхәтәаны цәгьарас, залымдарас иҟаз зегьы
иныҵабга ицоит, алакәгьы нҵәоит лахьынҵа
бзиала.
Абас, гәахәала, иҵегьы аҳәатәы шыҟоугьы,
ҳажәа ҳамроуцәакәа, аԥхьаҩ ихаҭа дааҳаԥхьап
дара ажәеинраалақәеи алакәқәеи рахь.
Терент Ҷаниа

Аԥсуа ибызшәа
Аԥсуа ибызшәала
Адунеи еибаркуп.
Аԥсуа ибызшәала
Адунеи еилкаатәуп.
Аԥсуа ибызшәада
Иԥшӡам Аԥсынра.
Аԥсуа ибызшәалоуп
Ишҳәо Аԥсынра.
Аԥсуа даԥсыуан
Дҟазҵаз ибызшәоуп.
Иарада даԥсыуан
Дҟалом зегьакоуп.
Ԥсышәак улымҳаҿ
Имгар, ҳаӷеиҭа,
Хаарак ахылом
Адунеи ахаҭа.
Иссируп Аԥсны,
Ишоуп уамашәа,
Игоитаз абраҟа
Аԥсуа ибызшәа!

АЖӘЕИНРААЛАҚӘА

Таати
Уа таати, таати,
Ашә-ахышә уаати.
Иҟаҵа шьаҿак,
Иаҟараз маҿак.
Абас зегьы ирҵеит,
Амзақәа рыцәцеит.
Уааи таати ҳгәагәап,
Ушьаҿа ҳарӷәӷәап.

Каҳа–бӷала
Каҳа-бӷала, каҳа-бӷала,
Уцала ушзахәо ухала.
Иҟам имариоу акгьы,
Ушьаҿа рыӷәӷәа уаргьы.
Ус уарԥысхап, иузҳап,
Иану, иҟоу еилургап.
Каҳа-бӷала, нас иахьала
Уцала ушзахәо ухала.

Уааҟыжәбыжә
На-на, ба-ба,
Уааҟыжәбыжә.
Ухәыҷума,
Уиқәлоуп Кәрыжә.
Кәрыжәаа рыҷкәын,
Кәрыжәаа рԥа,
Дцәажәоит дасны,
Аха ишԥа!
Уара, ҳаҷкәын,
Ҳгәыӷырҭа,
Уааҟыжәбыжәны
Иҳәеи еиҭа:
На-на, ба-ба,
Ба-ба-ду.
Афырхаҵа,
Убжьы рду!

Армаӷьырма
Армаӷьырма, армаӷьырма!
Армаӷьырма
Ус иауам.
Арма шыҟоу,
Арӷьа шыҟоу,
Еилсыргеижьҭеи акгьы ҵуам.
Еивагылоуп сеимаа ҿыцқәа,
Урҭ еинаалан еихәаԥшуеит.
Руак арымоуп,
Руак арыӷьоуп,
Уҩашьар,
Удырԥхашьар ауеит.

Аҳамҭа
– Бысҭ аҳамҭа, бара бтәоуп.
Са снапала дара ҟәшәоуп.
Иахьа иамшуп ба бира.
Сцап ашколахь шьҭа сара, –
Шьыҵәрак ашәҭқәа насыркны
Дцеит ашколахь дааццакны.
Сгәы ҟаиҵеит абас сашьа,
Даара иссируп иҟазшьа.

Аӡыркәи
Аӡыркәи хәыҷ, аӡыркәи,
Амца улзырҟьо закәи?
Иарбан усу иуцәынхаз,
Алашьцара иуцәагаз?
Хәылԥазыла иҳәа узышьҭоу,
Амшлашара уԥшаауоу?
Аӡыркәи хәыҷ, аӡыркәи,
Амца уылзырҟьо закәи?
Снапы уқәҵаны ускуп,
Сааигәа уҟазарц сҭахуп.

Аԥа
Аԥа, аԥа,
Уныԥа-ааԥа.
Шьҭыԥа-каԥа,
Хыԥ ҟаҵа.
Аԥа, уԥа,
Хыԥа – ҵыԥа.
Ҩаԥа-ҽаԥа
Уԥ, уца!

Абжы
Ибырбыруеит абжы,
Исаҳауеит абжьы
Бырр арган иԥрит,
Ганха нас ибрит.
Ицаӡеит хара,
Иубаӡом џьара.
Иҟаӡам абжы.
Исаҳаӡом абжьы.

Амза
Схала снеиуеит, сыццакуеит.
Амза икыду сназыԥшуеит.
Исгәаԥхом уи аҟазшьа,
Сҭанаҵоитаз аԥхашьа.
Амза ныҟәо ижәбахьо?!
Сара исыцныҟәоит сахьцо!
Ма саангылар — исзыԥшуп,
Уимо, исыхәаччарц иаҿуп.
Ус ҳа ҳԥацханӡа снаӡоит,
Аха избаз сҳәом, изӡоит.
Амза кыдуп, иқәацом,
Сара уаҳа сабаӡом.

Агага
Афымца дырцәеит. Дыҟам саб.
Иҭам агазгьы акәаҷаб.
Сан адәныҟа акы даҿуп,
Сара аԥацхаҿ сылзыԥшуп.
Арымӡ сықәтәоуп сеибаха.
Ишеишеиуеит акәызҭха.
Мцабзк налҟьоит, инкабоит,
Идуӡӡан сыгага снарбоит.
Ицәыршәагоу уи гагоуп.
Избо даараӡа иагоуп.
Ага-агага-гаӡа,
Иацәшәатәыҵәҟьазар зынӡа?
Аха, абар, дызбоит саҳәшьа —
Дкьаасуа дгароупеи Қәашьа.
Уи дызцәымшәаз сзацәшәари,
Сан лахь сдәылҵны сызцари.

Сласба
Сҩыза Гыд аләацәгьа имоуп,
Уқәнаргылом амӡырха.
Хәмарра ишҟа са сышнеиуаз,
Сшьапы иацҳахьан жәаха.
Аҩны исымоу ибажәгәаламӡа,
Сара исааӡо аласба,
Идухаргьы уаҩы икьысӡом,
Имкыкәа шәааила алаба.

Асалам
– Дад, иузаалҭит асалам
Уанду, –
Абас сеиҳәеит
Сгәыдкыло сабду.
– Уи улымкаа
Илзыфом акагьы.
Ҿамаҿак
Аашьҭысхит саргьы.
Ишәыра иҭихуеит
Ашәырқәа
Зегь рыхкы,
Сыла рҟәымго
Срыхәаԥшуеит саргьы,
Аха арҭқәа
Ҵыԥхгьы избахьан.
Аха арҭқәа
Ҵыԥхгьы исфахьан.
Са зегь реиҳа
Исҭаху ҽакауп, –
Асалам анҭихуа ҳәа
Сыԥшуп.
Изеиԥшроузеи
Лысалам санду?
Џьара ицәыӡзар
Амҩан уи сабду?
Абар ашәыра
Уаҳа
Акгьы ҭам.
Иџьыбақәа
Еимидарцгьы
Игәы иҭам.
Изеиԥшрааз
Лысалам санду?
Сыԥхашьот,
Сызиазҵаауам сабду.

Соура кьаҿын
Анкьа смаҷын, соура кьаҿын,
Ҩажәак ракәын исызҳәоз.
Сара сықәла сеиҵкыс дҟәаҿын,
Дцәажәон, дџьаршьауан дызбоз.
Сара усҟан зегь гәынкыло
Сааиуан даара соура шьҭуа.
Шәарҭ сыжәбоит нас, аа сахьгыло,
Ажәеинраалақәа ҳәауа.

Са сԥыруан – исызҳауан
Ҽнак, шьыбжьонказ, сыцәоуп сҭахха,
Лабҿаба избоит сԥыруа.
Ишамшамуеит амза каххаа,
Дгылоуп Гыд ҵаҟантә дыԥшуа.
– Еи, Дамеи, узҿу закәызеи?
Ас уанбаҟаз уԥыруа!?
Сара адгьыл сықәк сзакызеи,
Нас усхыччарц цас иауа? –
Гыд зыхьӡу сара дысгәылоуп,
Ҳарҭ ҳаиҩызцәоуп, ҳаиқәлацәоуп.
Иоура цан дысхыҳәҳәо дгылоуп,
Кьаҿ ҳәа сеиҳәоит, маҷк драцәоуп.
Сара ажәҩан иҵегь схалоит.
Схалоит, аизҳара саҿуп.
Ҵаҟа избо зегь еиҵалоит,
Рышәагаақәа хәыҷуп.
Сгәы ааҭрысын ацәа салҵит.
Мап, сымԥрыкәа сҟаларым.
Ус,сыԥшызар Гыдгьы дцәырҵит,
Уи симбазар егьаурым.

Амҩа сықәуп
Амҩа сықәуп, снеиуеит схала.
Сгәы ааҭрысуеит зных акала.
Саԥхьа иҟоуп ӡыҷҷакәарак,
Савсны сцароуп ӡмыџьеиқәарак.
Уаҟа ӡызлан даман шьарда,
Ахаҿы ссир, ашьапкьарда.
Аха усгьы сгәы неиқәҳәалан,
Снеиуеит схала агәаҩа сҭалан.
Иара абна?! Абна шәарҭоуп.
Агыгшәыгқәа уаҟа иртәарҭоуп.
Абна дылоуп адауы.
Ҟьарак уааигом егьауы.
Урҭқәа хәыцуа сцоит сышьҭхысаа.
Егьа сџьеишьап сҩыза Пыса,
Схала снеир уа иҩны,
Сгәы мышьҭыкәа, зегь гәаӷьны.
Нас ҳахәмарыр ҳазхара,
Ҳашҟа дсыццондаз иара.

Амца ҿарҳәоит
Есыуаха
Арымӡ сықәтәан,
Ацәа сацлабуеит сара,
Аха исиааиуеит,
Аха исиааиуеит,
Ишышеишеиуа ҳхәышҭаара.
Сара сшыцәо
Амца ҿарҳәоит,
Са санҿыхо
Ҿыц еиқәуп.
Амца шҿарҳәо,
Излаҿарҳәо,
Знык избандаз ҳәа
Сыԥшуп.

Абрскьыл
Идыдуеит, иеимацәысуеит,
Илашьцоуп адәахьы.
Дтәоуп дцәажәо сабду
Ахчныза ахахьы.
Амцабз архнышьна
Иахьынҳалан ихәноит,
Гәҭыхаки гәыӷраки
Срыма инаскьоит...
Аха аҳаԥы
Иҭыҵуеит ауаа,
Рцәацәашьқәа нҵәан,
Избоит иахьаауа.
Абрскьыл иура
Абжьы саҳауеит.
Дцәажәоит сабду,
Са сгәы хыҭхыҭуеит.
Исызҳанда лассы,
Исызҳанда сара,
Усҟан ҽакала
Иҟасҵон иҭгара!

Анбанқәа здыруазар
Сан дыхҭалкуеит
Са сашьа,
Уи ашкол ахь дныҟуоит.
– Уаԥхьа, нан,
Уаԥхь ашәҟәы,
Уаԥхьаҟа иуԥылоит.
Ирҳәо анбанқәа
Закәу,
Сыҟазҭгьы идырны,
Сыжәбарымызт ас аҩны
Сшақәтәо
Сҽы кәадырны.

Шәааи ҳаисап
Шәааи ҳаисап,
Шәааи ҳаисап –
Аҭырас аӡа
Еимҿҳарххап.
Аха раԥхьа иԥҟатәуп,
Ац аиуртә икаҿатәуп,
Нас урҭ рыцқәа
Еиқәҳарԥап,
Аӷәӷәа ззалхыз
Ахьӡ игап.

Нбанк сарҩашьоит
Иарбан избаз,
Иарбан исфаз,
Бацәу бнацәу
Уара идыр.
Аҵла сықәын,
Амахә ацқәа
Иулакьакьар –
Апапанҵҟәыр.
Избаз бацәу,
Исфаз бнацәу –
Нбанк сарҩашьоит,
Ахьӡ сызҳәом.
Ишабан уи,
Икәамԥа-татан,
Иҿысхыз маҷын,
Исызхом.

Ҳан дҳаргәырӷьап
– Ампыр, ампыр!
Амҳаԥ ҭаргьжь.
Амҳаԥ ҭаргьжь,.
Еиҭа ҭаргьжь.
Абысҭа ҳуроуп
Ацәырцәмеиԥш.
Ҳан дҳаргәырӷьап
Жәаха знеиԥш.

Ашәарыцара
– Иацазы саауеит умҳәаз,
Уаанзырхеи умҳәои, Махаз?
– Ҳқәаҵа сыҵан, ҳла ҵызгон,
Уи аҵарра асырҵон.
– Худыш алымҳақәа гьало.
Ишәарыцартә иҟало?
– Игаӡам, иабаз аҵеит,
Шәҳәан ахшьыра иҭанаҵеит.

Акәахьча
– Акәахьча дәылызгеит, абар,
Ҳнықәиап ҳҩыџьагьы, Наҳар.
Иуҭахызар егьи узаазгоит,
Аха аригьы иҳазхоит.
Уахәаԥш, уахәаԥш изеиԥшроу,
Џьара иҟам иаҟароу.
Сымч архомызт иахьаазгоз,
Иумбоз иахьсырҳәазоз?
Мшәан, узгылои урҳаны,
Иумбацкәану ҵаны?!
– Сзыргачамкыз даҽакуп,
Ацәа злахухыз џьашьатәуп.

Шьынҵа–кьынҵа
Шьынҵа-кьынҵа, шьынҵа-кьынҵа,
Узцару агәашә аҟынӡа?
Шьынҵа-кьынҵа ҟаҵаны
Ҳақәлап ашҭа ҳаисаны.
Еиҳа иласу даабап,
Зынарх ыҟоу деилҳаргап.
Шьынҵа-кьынҵа – шьапзаҵәы
Дааг исыцназго ҽаӡәы.

Ҟәараҟәанҽа
Ҟәараҟәанҽа, ҟәараҟәанҽа,
Амшәҳәыс қарақамҽа,
Ҳхала ԥшьаала иҟаҳҵалап,
Ҵаҟантә аҩада ҳцалап,
Уахьынтә ҳҭалалап ҵаҟа,
Бзиа ишԥазбауеи шаҟа!
Сыкьанџьа қарақамҽа,
Иҟабҵахьоу ҟәараҟәанҽа?

Шагьаҭыр
Џьара изымтәо – шагьаҭыр,
Улеишәа бзиамхар идыр,
Мым аакылсны ушаго,
Са сырҵәыуо, сгәы сарго.
Исылшагәышьои ҭакәажәык,
Даду иакәзар – лыгажәык.
Мым ԥшрацәгьа еимассы,
Уамбарц сышҟа уааласы.
Скалҭ унылакны узӡап,
Мымгьы гәрымуа ишааз ицап.
Мшәан узгылои умшәаӡо,
Сажәа улымҳаҿ имнаӡо?!
– Ииҳәаз бдыруанда даду:
«Ус еиԥш дуахәмаруеит нанду.
Избахьада дад, уи мым,
Дгьыл харакаҿгьы ианым,
Аха илҳәо хаҵала,
Аҟазшьабзиақәа ҵала».
– Нас уи иуеиҳәаз аагәынкыл,
Ашагьаҭырра кажь, иаанкыл.

Ауаҩ ага ирбааӡага
Амра ԥхоит, иауеит ақәа,
Ицәаакуеит маҷ-маҷ адәқәа.
Ҳарҭ ҳахәмаруа ашҭа ҳҭоуп.
Ага дзырбааӡо уи қәоуп.
Ус ихкәеит, ишааз ицеит,
Аха ҳарҭгьы ҳгаӡахеит –
Иаҳшәу ҳамаҭәа цәаакуп,
Шьҭа урҭ амраҿ ирбатәуп.

Акәырҷыжь-агәаргәалеи
Акәыр-акәыр, акәырҷыжь
Исыргәаргәарып зны уааныжь.
Сыҩуа снықәлап амӡырха,
Уԥшы угыланы насҭха.
Снеиуеит акәыр кәараҵо,
Ашьҭа ашьац аҿы ианҵо.
Амҩа ылгоуп, шьҭа уара
Амаа усҭоит ауаара.
Улаха-ҩаха, нас абас
Унагәыҵас, унагәҭас.
Зныкыр уақәтәахьоу Дамеи,
Акәырҷыжь-агәаргәалеи?

Ауардын
Сгәырӷьо сақәтәоп ауардын.
Сицуп цхырааҩыс Дадын.
Уи даҳгәылоуп, цәгьа дразуп,
Акыр са сеиҵкыс деиҳабуп.
Амҩа ҳақәуп мҿаагара,
Ӡытҟәак ҳҭамсындаз џьара.
Хьи-оор-ашь! Хьи-оор-ашь!
Уахь уабацои акамбашь!?

Асы азыԥшра
Аӡын ҳҭалеит, асы ауам.
Шоурак ыҟам, усгьы ихьҭам.
Ҵхла аҵх ҵаарҷҷоит,
Сык ауызшәа са сажьоит.
Иахьа ажәҩан алакҭа
Иҵыршәааны иааԥшуеит еиҭа.
Мап, даду сара сижьом,
Аӡын сыда ус изцом.

Ашықәс ҿыц
Ашықәс ҿыц ҳҭалеит абар,
Сгәырӷьоит, иауам сымкәашар!
Асеиԥш иубашам џьара –
Иссирхеит зынӡаск Аԥсынра!
Иаԥшәымоуп араҟа ҳбызшәа,
Еинаалоуп зегьы уамашәа!
Ашықәс ҿыц, уааи, улаша,
Ҽаангьы абас иаҳзырша!

Ачу-ачу!
Ачу-ачу! – Слаба-ҽы,
Иқәарқәашьеиуеит адәаҿы.
Ахы сымнахырц иаҿуп,
Саӷәра сааханы искуп!
Аха иууеи иԥнаҵәар —
Агәра злоугари ацәҳар?
Усгьы сақәтәоуп, сацәшәаӡом,
Сшьапқәа рыда изцаӡом.

Аҟаб
Аҟаб аракәақәа ҵкәатәуп
Иахьа сус убри иазкуп.
Санду слыцуп, ислырҵоит,
Иамхтәу-иааныжьтәу слырбоит.
Ԥсуа ҟабуп иаҳзану.
Ажәла алылхуеит нану.
Нас аужәраҿ илалҵоит,
Уахь данцо саргьы сылгоит.
Аха ахыхразы смаҭәам —
Иҟам чуан дук иаҟарам.
Егьаурым уи, ус иаанхом,
Зегьы акоуп аҟаб ҿахом.
– Ԥсыуа ҟабуп иаҳзану,
Ажәла бмырӡын, – лҳәоит нану.

Баша сшәозаарын
Саб анымҩа исыркуеит.
Аԥҳә еиқиҵоит, дыццакуеит.
Амш егьагым илашьцарц.
Иҭахуп иус дахьӡарц.
Аха иеиқәҵашьа сгәаԥхом,
Ганк аанижьуаны избом.
Мшәан, уашьҭангьы илбаатәуп,
Аҵла даара иҳаракуп.
Изуеи–исҳәои шьҭа сара?
Ԥсыхәак иҭатәуп џьара.
Схәыцуа нымҩак неисыркуеит,
Ҳбатгьы ааин изыԥшуеит.
Ҳусутә ҳалгеит – аԥҳә еиқәуп.
Саб дзызхәыцуаз збар сҭахуп.
– Аха кыдҵа, – иҳәеит иара.
Баша сшәозаарын сара.

Акәара-кәараҷҷа
Акәара-кәараҷҷа ҳәала,
Наҟ уанырлак уҽхәала.
Инхыҵ-хыҵәан инҭыкәкәеит,
Аха ацҳа ахнагеит.
Шьҭа бахәуоуп ҳаилзырго,
Аӡы ҳарганы ҳазго.
Абахәуа еиқәшәыршәа,
Иманшәалоуп уамашәа.

Аӡынҵәа
Амҵәышә халоит, илбаауеит,
Саб ҳҵәагәаҩа иҭаауеит.
Аҵәагәаҩа – аӡынҵәа
Самҵагылоуп сгәырӷьаҵәа.
Уи ааԥнынӡа инҵәаӡом,
Аҭуан иқәуп, ибааӡом.
Аҵәагәаҩа – аӡынҵәа,
Аҵәақәа зегьы рхьыҵәҵәа!

Нҵәара зқәым аиҭаҳәара
– Мака, Мактина,
Хьима, Хьимур,
Кама, Камилла
Исзаажәг акаҵкәыр.
Ишәысҭап иҿыхны
Ихаау ашәыр,
Шәҩызцәа сырзасып
Атрышә, ашәыршәыр.
Шәабаҟоу, шәабаӡи,
Избомеи шәхабар, –
Дгыланы иҩызцәа
Рызҿиҭуеит Наҳар.
– Манча, Мачагәа,
Дарыҟәа, Даур,
Гәдиса, Гәадала
Исзаажәг акаҵкәыр.
Ишәысҭап иҿыхны
Ихаау ашәыр,
Шәҩызцәа сырзасып
Атрышә, ашәыршәыр.
Шәабаҟоу, шәабаӡи,
Избомеи шәхабар,—
Дгыланы иҩызцәа
Рызҿиҭуеит Наҳар.
Иузҳәару уара?
– Ау-ау-ау, – ишуеит ала,
Жьоума, бгоума ицаз бнала?
– Миаау, – аҳәеит, иҳәоит ацгәы,
Ихнарҷап ахҷаҭ агәы.
– Каа-каа-каа, – акәты какоит,
Ес-аашар уи кәтаӷьк аҵоит.
Сишь! Игоит: кыкы-кыкы!–
Ҳарбаӷь ианаҳәоит ацкы.
– «Муу», – аргоит аҳәыс ахьтәоу,
Ан аауашәа ԥхыӡк абоу!
Аӡыс иамшуп: бекье-кье, –
Уахь умцакәан арахь уааскьеи.
Зегь акака рҳәоит абас,
Нас иуҳәозар, баша, цас:
Ау, миаау, муу! Каа-кыкы!
Бекье-кье аҭра иҭакы.

Аиҭахара
Саб иашьа диԥоуп Мирон,
Уи дынхоит дахьиз Афон.
Саншьа диҷкәынуп Мадол,
Уи дааизар дыҟоуп Кәтол.
Уажәы рҩыџьагь ҳарҭ иаҳҭоуп,
Аҟәа иҟоуп, исасцәоуп.
Ус иҳәеит Баҭал – сашьа,
– Ҳаҟоуп усгьы ҳаԥсы шьа,
Ампыл ҳасып ҳаисаны,
Ҩыџьа-ҩыџьа ҳаҽшаны.
Шәара «Ԥсырӡхазы» шәыхәмар,
«Бзана» азыҳәа, ҳарҭ абар. –
Ампыл шьҭыԥоит, ампыл шьҭасуеит,
Ампыл ҳаур амбахь ҳасуеит.
Бзанаа рымба иҭашәоит,
Мадол даара игәы ԥнажәоит.
Ӷәӷәала джәылоит, ӷәӷәала даст,
Ампыл ҳамбагьы иҭаст.
Мирон ихьыз изхаҵом,
Избо дгәааӡеит, деиқәтәом.
– Иҟоу жәдыруоу, – сҳәеит сара, –
Ҳалгап ахәмарра абра.
Уажәазыҳәа ҳаиҭахап,
«Бзанеи» «Ԥсырӡхеи» дара еиқәшәап.
Ақалақь аҿы
Аҟәа сыҟан, зны сасра.
Лаҳак гылан уа џьара.
Аԥшәма дықәлон, дылбаауан.
Ашәыр ҿыхны иҭиуан.
Гәылак дықәло знык дсымбеит,
Уи са сзыҳәа иџьашьатәхеит.
Ас каџьбеишьа сымбаӡац.
Избаз хеиҵом сгәыла Мац.

Ҳарҭ ақыҭаҿы ҳанхоит
Ҳарҭ ақыҭаҿы ҳанхоит.
Даду аџьмақәа ихьчоит.
Арахә ҳамоуп иааӡаны,
Аԥсаатә ҳамоуп ирацәаны.
Хҟызқәа иухадыршҭып агьад,
Ҳаиԥш измада ауахьад.
Шәыри-қәыри рыӡбахә сҳәом,
Урҭ ианакәзаалак инҵәом.
Ашьха-гәара абар хазы,
Ацха хәшәызаап зегьы рзы.
Абас ақыҭаҿы ҳанхоит,
Исызҳааит – ара саанхоит.

Зегьы иреиӷьуп ҳахьынхо
Аҵла сықәлартә сҟалахьан,
Са санылгаз Аҟәа сан.
Уаҟа ҳауадук дынхон,
Ҳарҭ ауха уа ҳаанхон.
Аҽны изымбац сдырбеит.
Сдыргачамкит, зны сшанхеит,
Аха еиӷьуп ҳахьынхо,
Ирацәоупаз исгәаԥхо.
Акгьы аасхәом, исҭаххар,
Ҳаума, ҵәоума зегь абар.
Ажь афҩыхаа кәазауеит,
Алаҳа ацәа хҵәыруеит.
Акарпыжә, ашьынка шәит,
Анаша иҿаҳамхыз ажәит.
Акакан ҿышәшәоит ара.
Даара ибзиахеит ҳаура.
Иҳамам арбан? Избаӡом.
Хәыҷи-дуи ҳаашьаӡом.
Аџьармыкьахь знык ҳамцац,
Ҳафатә аахәан иааҳамгац.
Аҟәа бзиам, мап исҳәом,
Аха уаҟа са сзынхом.
Ацуфара
Ацу сфеит нас, ацу сфеит,
Ацу иацу шьҭа иҳәатәхеит.
Сажәа иузаҵымхит иаҳәоз, –
Иҽадахеит аҽы уаазгоз.
Агәы ҵкапуа иҵыгьуа ицоит,
Аччархә ччархәуп, ауаа ччоит.
Ԥинак цәырҟьеит митә ауа,
Иҷыӷь-ҷыӷьуа, амца рука.
Сара сақәдыртәеит аҽыз,
Зеиԥш ҟамло арашь ианыз.
Снеиуеит скаԥо, зных сԥыруа,
Сџьашьаны иааԥшуеит ауаа.
Скәымжәы, скаба, сыхҭырԥа,
Деилаҳәам ас аҳ иԥа.
Ага скаԥан ашьха сцеит,
Лыхәҭак азна амшынӡ аазгеит.
Ацу иаҵоуп ааи, маӡак,
Аха адырра цәгьам зынӡак.

Жьакәыр гәымшәа
Илахҿыхӡа, еилыхха
Жьак ааҭалеит амӡырха.
Инарауит ус абжьы:
– Аилҟьа дгылоит ес шьыжьы!
Еи, шәабацеи ахәыҷқәа?
Амра ԥхоит, иауам ақәа.
Сара Жьакәыр гәымшәа соуп.
Имшәо даара кыр даԥсоуп.
Мшәан узӡыӡои Дамшә, ала,
Ицәо дҿыхартә еиԥш ушла.
Суԥырхагахом зынӡа,
Ахышә уавамтәан уҽӡа.
Сааит сыхәмарырц, ашәа сҳәарц,
Сықәлан ԥсуала скәашарц.
Аӷырӷын еиԥш сгьежьгьежьуа,
Ашҭа снакәшап сшьацәхыртәуа.
Ас-саа, ас-саа; ас-саа шәас!
Шәаи ҳаицыкәашап абас, –
Дыҟам иаанхаз лада,
Дыҟам иаанхаз ҩада,
Жьакәыр иакәшеит ахәыҷқәа,
Ашәа рҳәоит, еинҟьо рнапқәа.
Урҭ уи даара иргәаԥхоит.
Урҭ уи даара идырҽхәоит.
Ус иныҵашәкәеит иара,
Ҳшанханы ҳаанхеит ҳара.

Сабду
Саб дахааным,
Сан дахааным,
Иара убас санду,
Аӡәгьы дыҟам
Дызбахьаз,
Дынхәыҷыз сабду.
Баша исеиҳәазар
Иара:
– Уара уеиԥш схәыҷын, –
Зны дышимаз
Уи абду,
Изыхьӡыз Дыдын?
Аха усгьы
Игәра згоит,
Амц имҳәац ахаан.
Нарҭаа рыӡбахә
Иҿакӡоуп,
Ибахьан егьараан.

Џьанҳәаҭ ҳәатәхамҵа
– Уҟәыбҷаз сыҷкәын, нан, Џьанҳәаҭ.
Ан иуцәаҵамлааит абат.
Иумырҿыӷьын угәы зынӡа.
Шәҟәык унаԥхьа, ак ҟаҵа,
Аҩны азыҳәа иҵоуроу,
Наҟ инкажьны акьаброу.
Џьара сцароуп. Сеилахоуп.
Ԥшәымас иҟоу уара уоуп, –
Ан дынҭыҵит амӡырха,
Дшаауа наиҳәан хәылбыҽха
Дтәоуп Џьанҳәаҭ ихала абар.
Иҟам иҩызцәагьы рхабар.
– Излаҭыҵри ашҭа абат? –
Агәашә ылоуп асапат,
Сцап агәылара, сыхәмарп,
Сан дгьежьаанӡа усгьы саап.
Дыҩуа-дыԥо, дгәырӷьаҵәа,
Лабак налеиҵан аҵәа,
Дцеит уи хәмарра дкәалаауа.
Абат гылоуп иҟаауа.
Ан дгьежьызар хәылбыҽха,
Ркамбашь ықуп амӡырха...
Даслааит ампыл шьҭа Џьанҳәаҭ,
Ишифо ҳбароуп уаха ахҷаҭ!
Лабҿабеи аԥхыӡи
Аргама сыбла ишабоз,
Амра амшын ахыҵәеит.
Имҳәа-мырза, са сышшәоз,
Ацәа схалан сыцәеит.
Сан игәалҭазаап ари,
Абар, избоит сымҩашьо,
Амшын иҭыганы нахьхьы,
Амра шьҭых иахьылку.
– Амра, амра! – сыбжьы геит,
Ацәа салҵны сгылоуп.
Амрахәага насҿаҷҷеит.
Сангьы сааигәа дыҟоуп.
Ԥхыӡу избаз лабҿабоу,
Схаҭа цқьа исыздырам.
Амра кыдуп, дгәырӷьоит сан,
Шьҭа сзыцәшәо акыҟам.

Арбаӷьи асаси
Уаа кыкы,
Кыкы, кыкы!
Сыбжьы цазаргьы
Такәы,
Аҵх нахыганы
Хара,
Амра цәырызгеит
Сара.
Уаа кыкы,
Кыкы, кыкы!
Умҩахыҵит
Уа усасны,
Аха уеиламҳан
Акәтыжь,
Амреи арбаӷьи
Ҳаизныжь.
Уаа кыкы,
Кыкы, ҟарҟар!..
Аҵх ахызцода
Сҟамлар?
Амра иамкырц
Цәыблаҟы,
Сыбжьы ҭыслароуп
Сҟырҟы.
Сара исымоуп аҟьаԥҟьаԥ
Ишԥачычеи, мшәан, ҳамхы.
Иԥырҵәеит даараӡа ҳгәахы –
Ахьажь ҳрыхәом, иаҳзыршәом,
Ацәыршәагаҵәҟьа иацәшәом.
Ԥшаӡак ҳауам еибганы,
Иҟоуп рыцҭыԥ иарганы.
Знык сырхаҩеит, ҩынтә – сашьа,
Ԥсахшьак зыҟамлеит рҟазшьа.
Аха шьҭарнахыс иаабап,
Агәыҭҟьара шәасыргап.
Саб исеиҳәаз наигӡеит –
Аҟьаԥҟьаԥ са сзы иҟаиҵеит.

Уи агьама усырбахьеит
– Шәа шәрасаҭрахь уцахьоу?
Акәамҷаҷырақәа убахьоу?
Шьыри, иҳамазар абра,
Ҳашԥахәмаррыз ҳазхара.
Расакакал ҟаҳҵарын.
Аԥхьаӡашьа усырҵарын.
Укәа, уџьыба зегьы рҭәны.
Исзааугарауеи уааласны.
Сааҟрымҿрымып нас мышәҵас,
Сааҷамҷамып бгахәыҷҵас,
Убас рыкрыфашьа ҟасҵап,
Ушыччо укаҳаргьы ҟалап.
Мшәан, узгылои, умцаӡои?!
Шәраса агьама ҳамбаӡои?
– Уи агьама усырбахьеит,
Ҵыԥх абас еиԥш сужьахьеит.

Атама шкәакәа
– Ишԥа бзиоу атама шкәакәа,
Илызгылоуп санду Кәакәа.
Агьама гәазҭахьоу ма знык,
Ихашҭран дыҟаӡам бзанҵык.
Абас каҵкәырла исзаалгоит,
Унаха-аахар, агәаӷьгьы ҭԥоит.
Аа, иусҭоит, уи лаҵа,
Сажәа уадгыл, ихаҵа.
Шықәсқәак рыла нас иазҳап,
Иҿалаз ҿыхны агьама убап.
– Иуҳәаз шьахәуп, угәра згоит,
Агәаӷь ауҭраҿ иласҵоит,
Нас, мышкымзар-мышкы иаап,
Калаҭк азна усгьы исҭаап,
Аха уаанӡа укаҵкәыр,
Тамак ҭыхны инасуркыр,
Калаҭк азна ҳәа изгап,
Саргьы заа агьама збап.

Аӡыхь
Хшьыроуп, наароуп, ибнароуп,
Иманшәалан мҩак аҿгоуп,
Уи аӡыхь ахь илбаауеит,
Ҳарҭ еиҵаҳхын шьҭа иҭәуеит.
Акәапеи ҿыц ҟаҵатәуп,
Ҩаԥхьа амҟәыба хырҟатәуп.
Уи азҟаза – санду лоуп,
Аха ихызҵо сара соуп.
Сара соуп аӡыхь аазго,
Саб данчалтуа, данцәаӷәо.
Ихырзаа–хырзааны истоит
Нас, аҵыхәтәан, зны снахәоит.
Ҵоуп, иаҳзааигуаӡам усҟак,
Улбаа–ухалала мардак.
Зегь акоуп аҵеџь ҳажӡом,
Аӡыхь зыԥсахуа ҟалаӡом.

Раԥхьатәи асы
Асы бымбыл, асы бымбыл,
Еимаҷыҩны илеиуеит.
Сгәы цҳафыруа, сеилыхха,
Сҩыза ишҟа снеиуеит.
Асыркәымпыл иныркәмпыл,
Иныҵак снапсыргәыҵа:
– Ҽаангьы бзиала абас! –
Иасҳәап, уи неигәыдҵа.
Нас ҳнеишьҭалап ҳгәырӷьаҵәа
Ҳӡамҩақәа ҟаԥшьхароуп.
Асы ҳҭаауам есымша,
Ианаҳзааи – ҳахәмарроуп.

Саншьа иҷкәын
Саншьа иҷкәын ҳарҭ даҳҭоуп.
Қәрала жәашықәса дырҭоуп.
Сизелкаауам са санцәажәо,
Даасыхәаԥшуеит уи дыгәжәажәо.
– Изакәызеи, – иҳәеит, – аҭәаҟәа?
Исмаҳац аҩыза Аҟәа.
– Арахә ҳамоуп, ашьамаҟа,
Зегь ааизуцар – ҩажәаҟа.
Ирҭахуп нас аҟашәа, –
Исҳәо џьеишьоит уамашәа.
Ус ҳазааиуеит аџьмаҭра.
Ҩ-џьмакы ҭакуп убра.
– Уаҳа ҳамам, аха ԥаса,
Иаҳзанызаарын аԥсаса.
Дгылоуп баша, дҟәызгаӡа.
Даара диеиԥшха агаӡа.
Мап, дарԥысым, дагьхәыҷӡам,
Аха аԥсшәа ирҵаӡам.

Асы ауит
Аҵх иалагӡан асы
Ишьҭагылт, исхыҵәо.
Исызгәаҭаӡом акгьы,
Сҭаҳаны саныцәо.
Аграпара ҟарҵахьеит
Исеиҳау, адуцәа.
Ас, ахаан исымбац,
Ишьҭаны еиқәыцәа.
Амра нцәыҵаҷҷеит шьыжьӡа,
Ицәымхьаны иааԥшызшәа.
Ҳбора иақәнауз асы,
Иснарбоит иажәызшәа.
Ашәыб иаалырҟьан илеит,
Икаԥсеит ишылан.
Сара сышҟа аҽарххеит,
Ус, ҳладу ҩагылан.
Имҩа хоумашь ҳара ҳахь
Сҩызак, сара сықәла?
Аграпара цоит арантә,
Даанагоит данықәла.
Аҵх иалагӡан асы,
Ишьҭагылт исхыҵәо.
Исызгәаҭаӡом акгьы,
Сҭаҳаны саныцәо.
Қьазоу
Агаҿа давоуп, ақалақь далоуп,
Дашьҭам хырҳагак, ибом иҵоуроу.
Аусаҿ дманшәалам, дмаргьуп, уи дчалоуп,
Аха дыфраҭуп икыр акьаброу.
Нас уи ашкол ахь дцароуп шьыжьыла,
Аиашаз дахьымӡеит арахь иҵатәыз.
Днеиуеит дыцәқәасуа, амҩа даныла,
Издыруа дабаҟо ақьаад ианҵатәыз.
– Еи уара сҩыза, аҟәыш, зегьы здыруа,
Исазҵаар усыцхраа, сымгылартә сзазо.
Ацҳа уахсырԥап аӡиас уаныруа,
Иануҳәа са сзыҳәа даауеит ҳәа қьазоу, –
Илеишәа џьбароуп, деилҟьоуп,
дыцҳафыруп,
Аха иазууеи иҵомеи акгьы.
Усда қьазоура иҽеим, идыруп,
Ибзиан, заа еиликаар иаргьы.

Агәыгәым
– Усҟан, беиҵкьысгьы сеиҵан,
Амҩа ҽеимызт, имардан,
Убра, амарда хьынҵәоз,
Ҵаҟа ӡыхьын иҭатәоз.
Сцон сымшәакәа ӡаагара.
Сгәыгәым каҳаргьы џьара,
Аирӡеиԥш иҟамызт иԥҽуа.
Сџьаршьон амҩан сызбауа, –
Санду илгәаларшәо лхәыҷра,
Ҽнак исзеиҭалҳәон сара.
Усҟан схәыцра џьара ицон –
Аӡыхь схықәгылаз џьысшьон,
Аха искымызт агәыгәым.
Исымбац уи, шьҭа ианым,
Аха иҟоуп амузеи,
Иарбан иҟам уа уаннеи?!
Аҟәа, Аҟәаҟа сгатәуп,
Амузеигьы сырбатәуп.
...Аа, иӡыз ианакәым,
Санду илкыз агәыгәым!

Сандуи сареи
Ҽнак санду абас лҳәеит :
– Смаҭа, нан, абысҭа схәеит,
Шьҭа инасымданы бара,
Знык бҽазышәеи анҵара, –
Лылагәыразқәа хааӡа,
Сышҟа дцәыҵыԥшуеит маӡа.
Сара азнык саашанхеит,
Нас, икнысхыргьы сҭаххеит,
Исымкыц арахь амҳаԥ.
Ирҳәарызеишь сҩызцәа Гарԥ?
Иаманшәалоуп урҭ зегьы.
Сара сакәхеит амаргьы.
Аха, ус, санду дахьхәит.
– Нан, абысҭа ҳарҭ иаауит.
Сара икнысхып уажәазы.
Быхиаз смаҭа, уаҵәазы, –
Уаҵәоуп сангьы данаауа.
Ҳрацәаҩхоит абысҭа зуа.
…Дыццакуан сан, дымтәаӡеит,
Дшааиз Аҟәаҟа саалгеит.

Аиҵырҟәаҟәа
Аҵх лашәымхарц,
Са сымшәарцаз,
Амза гылан
Илашоит.
Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҳ иԥҳа - 2
  • Büleklär
  • Аҳ иԥҳа - 1
    Süzlärneñ gomumi sanı 3339
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2250
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҳ иԥҳа - 2
    Süzlärneñ gomumi sanı 3176
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2275
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҳ иԥҳа - 3
    Süzlärneñ gomumi sanı 3427
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2360
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
  • Аҳ иԥҳа - 4
    Süzlärneñ gomumi sanı 1962
    Unikal süzlärneñ gomumi sanı 1364
    0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
    Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.