LatinHärber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.
Аҳ иԥҳа - 3
Süzlärneñ gomumi sanı 3427
Unikal süzlärneñ gomumi sanı 2360
0.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
Абырг дразҵаауеит абас,
Илабашьа иаԥхьа инарс.
Ирыхьыз иарҳәоит акы мӡа,
Рыхқәа рыкәаҽ, ргәы намӡа.
Ахьча илақәа ааччеит.
Ҩажәак рыда ак имҳәеит.
Арԥар ҭрысит аҽқәа рахь,
Ицоит ишзахәо аҳҭынрахь.
Аҽыхәа иақәтәо митә ҟаиҵоит,
Аҽыз иақәтәо уи дихьӡоит.
Хҭак еицҭаршәуа еицаауеит,
Лыгқәак гылоуп, еизҵаауеит.
Елгагәышьам урҭ рыгәқәа,
Ишеимырдаз рбом рыҽқәа.
Ҽқәоуп араҟа зегь зыӡбо,
Арԥар еисо елзырго.
Мшәан, еимырымдар абас,
Изцарымызт урҭ еивас.
Илахҿыххеит аҳҭынра.
Асоф дықәгылоуп Лара.
Аҟәҟәа-ҟәҟәаҳәа, ахысра цоит,
Шьҭа имҩашьо уа ирбоит,
Аҳәынҭқар иԥҳа дышцо,
Ашҭа дҭалахьеит дызго.
Аҽыз аԥхьа даанагеит,
Иҽыхәа ашьҭахьҟа иаанхеит.
Зегь насыԥроуп уахьыԥшуа,
Гәырӷьак змам дубашам уа.
Рылаԥш кыдуп аҳҭынрахь,
Сымҩахыҵит саргьы уахь.
Избаз уаҟа са схаҭа,
Ҳәашьак сзаҭарым уашьҭа.
Аҳҭынра зегь ҿыц ирхиоуп,
Џьашьахәыла еиқәыршәоуп.
Шаҟа убозеи, шаҟа хкы!
Дбеиоуп аҳ ду, ихаҵкы!
Нас уи чара дук иуит.
Хаха-хымш аӡә дцар имуит.
Шәаҳәаран уа, кәашаран.
Арыжәтә, афатәаз чаран.
Ах, дыссирӡан аҳ иԥҳа!
Сылаԥш лышҟа ихан еиҳа.
Уи сгәы дҭыҵәом иахьагьы.
Сажәабжь гәнызкылаз шәаргьы,
Насыԥ шәымаз, згәы разу,
Даҽа аамҭазаргьы ҳазтәу.
Қамса иԥа Қәасеи
Гәаԥха-Ԥшӡеи
Ажәытәан зны, араантәи акыр инахараны, асымҟәыл зқәыжьыз шьхадук
ашьапаҿы инхон-инҵуан хаҵаки ԥҳәыски.
Урҭ рааигәара уаҩы дынхаӡомызт, хылҵгьы
дрыманы иҟамызт. Қәацәк рызгылан.
Ахаҵа, нхыҵи-аахыҵи дрыбжьан, иара
итәала дныҟәаҩы бааԥсын, аҩны даныҟази
даныҟамзи еиҟаран, иҟан мызкы инарыцны иԥҳәыс лхала лқәацәажә данахыз,
агәҿыӷь даго. Усҟан лара зных лгәахы ԥжәон,
абасҟаамҭа лхаҵа лыгәхьаа мкыкәа дахьымаауаз, даҽазных гәҭыхас дышьҭылхуан,
машәырк ихьзар ҳәа, аха деибга-дызҩыда
даныгьежьлак, еиҳаракгьы напҭацәыла,
хаарамацәкьыск иҵамкәа, гәабзыӷ ажәак
иҿыҵымшәо ашҭа данааҭалоз, лара деиц
рашәон, лыбзгьы лзаанкыломызт.
– Асҟаамҭа сара сухашҭны уабаҟазуабамаз, – ҳәа дыхҭалкуан. Иара митәык
ацәажәара бзиа избоз аӡәы иакәны дыҟа
мызт, дахьыҟаз, ариаҟара даанызкылаз
иԥҳәыс ианлеиҳәалоз ыҟан, аха ажәак
аниҿыҵамшәозгьы рацәан.
Лара ԥҳәыс џьбаран азы, ас иҿымҭра
еиҳагьы лгәы ԥнажәон, гәрамгас дышьҭылх
уан. Иудыруазеи, наҟ џьара, сара сеиҵкыс
иԥшӡоу, сара сеиҵкьысгьы зықәра маҷу
аӡәы ихшыҩ еилалгазар, дхыхны длымазар
ҳәа ахыбаара лызцәырҵуан. Усҟан зынӡаск
амцаԥшь ықәылҵон.
Иара еиликаауан асҟак деилазыршуаз,
уи иара игәы иахәон, хаа-хаа дааԥышәар
ччаны, ажәак ламҳәакәа, иеиха аашьҭыхны
мҿаагара абнахь иҿынеихон, нас иеидара
ихарззала, мҿгәарҭак ӡарҵәила еиқәҟаца
иҿаҳәаны, агәараҳәа амҿырҟәараҿы ина
ганы ианкаижьлак: «Абыржәы иҟуҵаз
гьы акыр исзаԥсоуп, афархь аагара акы
раамҭа исықәшәарым», – ҳәа лгәы иаанарго, маҷ-маҷ ллеишәа хҽуан. Лара
иԥҳәысгьы акы даҿны дубашамызт. Ииашоуп, фатәык-жәтәык, ауҟалымҵахуаз, усгьы аҩнытә ус нҵәара зқәымоуп, аха лара
абраҟагьы уеизгьы-уеизгь акы дахыццакуа акгьы даҿӡамызт. Лхәыҷы дыҟам, лду
дыҟам, ҭынха дааиуам, гәыла дааиуам, лхы
дақәиҭуп. Аамҭа меигӡарахда илымоуп
лхы дацклаԥшыртә еиԥш. Ашьха ашьапаҿы
дшынхогьы, уаҩы дшимбогьы илҭахуп
дыԥшӡазарц, асаркьа данԥшылар лхы лгәы
ахшәо акәымкәа, лгәы ҭгәырӷьаауа, лхашәа
хы лымбо дыҟазарц, усҟан лхаҵа иахь знызынла иаалызцәырҵуа агәрамгара зыҟалом.
Абас, асымҟәыл зқәыжьыз шьха дук
ашьапаҿы, ааигәа уаҩы дахьнымхоз, инхонинҵуан хаҵеи ԥҳәыси. Хылҵ дышрымамызгьы, изышьцылаз аԥсҭазаара ргәаԥхон,
хьаакгьы рымамызт. Ргәы бзиан, рхы бзиан,
ашьха ҳауа ргәы арҷкәынон, рҭеиҭԥшгьы
убас иҟан. Ахаҵа иныҟәарақәа ирыхҟьаны
реибабара ахьеиԥҟьоз, азнык азы аҭыӡшәа
ахылҵуазҭгьы, аҵыхәтәан ианашьцыла, иаара, ихынҳәра ныҳәак еиԥшны ирзыҟалон.
Аԥхьаӡакәны игәаԥхеибашьазшәа акыраа
мҭа рҽеидырхаланы иааидтәалон, рцәажәа
ра рызнырҵәомызт, еиҳаракгьы уи ҳамҭала
деимала-еиҿалаха даныгьыжьуаз. Уи изла
ирҳаз, иахьынтәааигаз, хаҵеи ԥҳәыси знык
иадамхаргьы иалацәажәо иҟамлацызт, ҳар
гьы макьаназы ҳҽалаҳгаларым.
Абас, анкьаӡа зны, асымҟәыл зқәыжьыз
шьхадук ашьапаҿы, ахаан уаҩы дахьықә
намгалацыз, гыгшәыгда шьҭак ахьумбоз аҭыԥ
аҿы, қәацә ҩнык ргыланы инхон-инҵуан,
«ҳхазыҳәан-ҳаԥсазыҳәан», ҳәа ихәыцуаз ҩы
џьа, хаҵеи ԥҳәыси.
Иџьоушьаша, урҭ ара анхара ианналага инаркны, агыгшәыгқәагьы рышьҭамҭа
дырӡит, арахь уаҳа иқәымло иалагеит. Ԥыр
хагада насҭха-аасҭха инхон, иеиԥырхаганы
иҟамызт.
Аамҭа цон, есымша иҷкәынцәаханы
иаузыҟалахуаз, аха макьанзы ргәамч ыҟан,
рқьаф ҭан, аха уахык, игәаԥхеибашьо иа
неидтәалаз аамҭазы, аԥҳәыс даацәажәан
лхаҵа абас иабжьылгеит:
– Иубоит нас, макьаназы шлацк ҳхахәы
иалашәаны ишыҟам, каҷыракгьы ҳхаҿы
ианубаалом, аха зегь акоуп, шьҭа урҭқәа
раамҭагьы иааигәахараны иҟоуп, убри
аҟнытә ҳџьабаа ҳхызхша, ҳаҩнра, ҳгәара
збаша, ҳаргьы иаҳхылаԥшыша дҳамамзар,
ԥсыхәак ҳаманы ҳзыҟалом, – лҳәеит.
Ари аҩыза ажәақәа заҳаз ахаҵа, азнык
азы иԥҳәыс дџьашьаны даалыхәаԥшит,
ашьҭахь ҿааиҭит:
– Иббоит нас, Анцәа бареи сареи хшарак дҳаҭәеимшьеит, анаҩсан, ажәытә
ҳанхарҭахь, ҳауа-ҳҭынха ахьыҟо, ҳашзым
гьыжьуа ибзианы ибдыруеит, уи алацәа
жәара аҭахны избом, нас иарбану иҟаҳ
ҵараны, иҳалҳаршараны иҟоу? Ус ҳнеилап,
бара ибҳәан еиԥш, макьаназы ҳамахаҳашьаха ӷәӷәоуп, нас мышкы зны, усгьы
хырԥашьа змам ҳлахьынҵа ҳанымиар ҟам
лозар акәхап, – иҳәан, игәы аҵанӡа инаганы
даақәыԥсычҳаит, изакәытә цәанырроу иаа
изцәырҵыз здырхуада!?
Аԥҳәыс лхаҵа иқәыԥсычҳара иԥсыҽра
акәны иазылԥхьаӡеит.
– Ҳаи, иухьзеи!? Сара сеиԥш ас ахаҵаӷәӷәа
дызмоу, акы иацәымшәо, акы иазаанымкыло аҽаӡәы длыманы дыҟам ҳәа сузгәыдууп,
иахьагьы сгәы-сыԥсы зегьы зысҭоу уара
уоуп, ас уцәажәап ҳәа сгәыӷуамызт, – лҳәеит,
аԥҳәыс лхаҵа дџьашьаны.
– Макьанагьы бымҩашьан, хаҵак иигәа
ӷьуа сара исзымгәӷьуа Анцәа сҟаимҵааит,
нас исабымҳәои иҟасҵараны, исуалны
иббо, – иҳәан, иԥҳәыс дналҿаԥшит илаԥш
ааирӷәӷәан.
– Иҳацхрааша, ҳарахә-ҳашәахә еилзыргаша хбыџ-хәыҷык дҳамамзар ԥсыхәак
ҳамаӡам. Ааигәа зтәыҩа ианкны игәароугалаз
ажәхьа абара мацара иахәоу уаҩы ҳаҟоума,
убригьы узгәамҭаӡои!? Аџьабаа аԥҳәыс дархоит, суҭахны уҟазар, хара имгакәа цхырааҩ
хәыҷык дсоуртә исзыҟаҵа, аҟаҵашьақәа уи
уара уажәы иумбеит… Уажәраанӡагьы схахьы ишԥамааиуаз уҳәарауазеи, иара уаргьы иухьзеи, знымзар-зны аӡәызаҵәыкгьы
сыҩныҟа дызгандаз ҳәа ушԥазымхәыци, –
лҳәан, иџьашьаны даацәажәеит.
Ас зхылҳәааз, абри аԥҳәыс лхаҵа даныҷ
кәыназ абрагьцәа рыцныҟәара ҵигеит бзиа
ибаны. Ақәыларақәа, аӷьычрақәа хҭеикит.
Ахәыҷқәа ӡаны, амшын аҟәараҿы инаганы
рыҭира далагеит. Дашьцылан убри даҿӡан.
Дманшәалахо, иқәҿио, дызҿу ацәгьара
уаҩы изиҵымхуа дааиуан азы, зынӡаск
сара соуп иҳәан, уаанӡа анхацәа рыхшара ирхыкәыкәааны иӡозҭгьы, ҽнак ихы
иҭашәеит, қыҭак аҿы аҳыс иҟаз иҷкәын,
аԥшӡара иакны иагоз, дӡаны диҭирц, избанзар, ахәыҷыԥшӡақәа рыхә акыр иҳаракны
иҟазаарын. Абас иӡбан, аҳ иԥа дӷьычны амшын ага аԥшаҳәаҿы дысҭиуеит ҳәа диманы дахьнеиз, аҳ иуаажәлар иреиуаз шьоукы
убра иааиқәшәан, аҳ иԥа димырхит, иара
дырзымшькәа цәгьала-ԥсышьала иԥсы
рцәигеит. Аха аҳ ас изныҟәаз дахьимырхәыр
шиимуаз изымдыруа дауҟахыз, аҳгьы харзаманк иакәын, илеишәа џьбаран, игәыжәла
мцаԥшьын, акы ааигәамԥхар аԥырқь ҳәа
деицралон, иааивалаз ԥсгара ииҭомызт, наҟ
дықәицар акәын. Аргама еикануаз, уи ауаа
ирдырыртә-ираҳартә ԥсышьацәгьак иимҭар
иуамызт. Дыцәгьан аҳ ҵабыргны, аха уиацлабыр, аикәым изыҟасҵоит ҳәа уалагар, усҟан акәын даныцәгьахоз, абжьааԥны
иажәа уацныҟәар, агәыразра анааирԥшуаз
ыҟан. Идыруан аҳ ауаа ргәыҟаҵара уадаҩрак
шаламыз. Илеишәа анизаанымкылоз ша
ҟантә дахьчахьааз, абри иаиҩысҭаара. Зегь
ианарыжьуан, зегь инырчҳауан. Абас иҟаз
аҳ иҿагылара игәаӷьырацәан, еиҳаракгьы
уара аара ануду, убри азы аҳ иԥа иӷьычра
ҟазҵаз арԥыс-мӡышәа, ааигәа иаигаз
иԥҳәыс хәыҷы даашьҭихын, аҳ иуаажәәлар
хыҵны ишишьҭаз, аҳ ихаҭа хазы имҩақәа
шикуаз, аӡәгьы диҿамшәакәа, блакы дамбакәа, ицарҭа-иаарҭа умбо, ишьҭамҭа
рыцәирӡит. Уи нахысгьы уаҳа уи ауаҩ ихабар зыҟамлеит. Убасҟан ибналаз хаҵеи
ԥҳәыси, убра, уаҩы ишьапы ахьымнеиц,
асымҟәыл зқәыжьу ашьха ду ашьапаҿы
қәацәк ахьдыргылаз, ԥырхагак рымамкәа,
дара ргәы ишаҭаху, ргәы каршәны инхеитинҵит. Шьҭа уи аахыс маҷ ҵуама, ражәра
иазхәыцуа иалагазар? Уажәы хбыџ-хәыҷык
дӷьычны дааугароуп ҳәа аниалҳәа иԥҳәыс,
маҷк сыԥсы ааиҭаскып, аҩны сҽааныскылап
ҳәа ихәыцуаз ахаҵа, иааԥсара неихыҵын,
иқьаф ҭалеит. Игәалаҟара анышьҭыҵ, иԥ
ҳәыс алаԥшхаа дарго, дук хара имгакәа
иабжьалгаз шынаигӡо ала ажәа лиҭеит. Ас
ианеицәажәоз цхыбжьонын, уажәы ианааша, ари ахаҵа бџьарла иҽеибыҭаны,
иҽеилаҳәа-иҽеилаца:
– Абзиараз сҟәыш-хьыршәыгә, – ҳәа
иԥҳәыс иналеиҳәан, ашьха иалидахьаз
амҩахәасҭа па днаҿалеит. Аԥҳәыс лхаҵа
иажәақәа еиҳагьы длахҿыхӡа дааҟарҵан,
лылаԥш гәакыҵәакуа, лхаҵа ицәаара
лбонаҵы деиҭамҵуа дизыԥшуан. Уажәы
зынӡаскгьы илбомызт, лхахгьы иааиуамызт
ауаа ирылӡааны, бнаршәыра бааԥсык аханы, ашьхацәҳәыра ашьапаҿы, лқәацәажә
аҿаԥхьа дышгылаз. Лхаҵазаҵәык иакәын
уи лхы иҭаз, лгәы иҭаз. Шьҭа дҩашьомызт,
уи лара леиԥшҵәҟьа иаргьы лара дши
ҭахыз. Абыржәыҵәҟьа лара аҽа насыԥк
даҳәаӡомызт, дагьазхәыцуамызт, иагьыл
ҭахӡамызт.
Лхаҵа ашьха ҳаракы даҿаланы дцеижьҭеи
шьҭа ҩымчабжьа инареҳан. Иԥҳәыс лгәы
хыҭхыҭуа, лгәы ҭгәырӷьаауа иаара дазыԥ
шын. Цәанырра бааԥсык лзааиуамызт. Агәра
лгон лхаҵа дшыманшәалахоз. Ус иагьы
ҟалеит. Дхынҳәит лхаҵа, хәыҷы-ԥшӡак
диманы, ихахәы еиқәырҳәы, деилаҳәоупдеилацоуп, бзиа ааӡарак шимо иаразнак
иубарҭоуп.
– Ари арԥыс Қәаса ихьӡуп, шәеибадыруаз,
– иҳәан, иԥҳәыс дналиҭеит. Макьана уи
иарԥысра абаҟахыз бжьба-ааба шықәса
дреиҳамызт. Ишәаҟьаны иҟаз ахәыҷы, ибла
ҭбаақәа даарҩахан, дразӡа иимбацыз аԥҳәыс
дналҿаԥшит.
– Узыцәшәозеи, умшәан арԥыс, ҳара
ҳабнауаам, абра неирҭа-ааирҭа ахьыҟам
нхарҭас ишҳамоугьы. Шьҭарнахыс ҳара ҳҿы
уҟазаауеит, уҩнал ақәацәахь, схаҵеи уареи
какалк шәсыркып, нас шәыԥсы шәшьап,
шәмааԥсаӡакәаны шәыҟам, – лҳәан, лхылҿы
лхалашо лхаҵа днеигәыдыԥшылт.
Қәаса убри аҽны заҵәык ауп аԥсшьара,
аниауз, уи нахыс тәамҩахә илымҭеит
аԥшәма ԥҳәыс. Раԥхьаӡа, иҟаҵатәыз издырамызт, акгьы даманшәаламызт, арахь
аԥҳәыс лаӷьбжьы еиқәтәом, анахь дырҩуа,
арахь дырҩуа, дықәергьажьаауа длымоуп,
рыцҳашьарак изыҟамҵо. Дхәыҷымзи макьана, ахаҵауыс назыгӡоз дабаҟаз, ихшыҩгьы
азхомызт. Ус, имаҭәақәа хеит, ишәымло
ианицәхәыҷха, лхаҵа имаҭәажәқәа илҭан,
асаара ишьҭасуа, ишәҵаны, дхыԥхыԥуа
дахьныҟәоз лкьатеих ԥнаҵәон.
– Ҳаи, Қәаса, шаҟа сурччозеи, ушәҵатәи
уареи, ааигәа ианаҳҵаз ҳаџьма ахәықамса
уеиԥшнысшьалоит, – ҳәа наҳәаны, еиҭах
ччараха илысуан. Дышнеи-шнеиуаз Қәасақамса ҳәа иалҳәо далагеит. Ус аамҭа цон,
Қәасагьы дҩеидасуан. Аџьабаа шигмызгьы, уаҩҵас ԥсшьарак шимамызгьы, имаха-ишьаха ӷәӷәаны, ԥшреи-сахьалеи деинааланы, дарԥысхарц акгьы игмызт.
Хаҵеи ԥҳәыси Қәаса-қамса дҳаманаҵы
акы ҳазрыцҳаны ҳҟалашам ҳәа еибырҳәон,
аха ҽнак, аԥшәмаԥҳәыс, лхаҵа дықәианы
иԥсы анишьоз, лара афатә аҟаҵара данаҿыз
даацәажәан ус иалҳәеит:
– Уара уусқәа зегьы Қәаса-қамса
иҟаиҵалоит, аха сара сусқәа ҟазҵо уаҩы
дышсымам узгәамҭаӡои, мамзаргьы угәы
сцәыхьшәашәахьоу, – лҳәан, лажәа далым
гацкәа, лхаҵа ацәарҭаӷәы дахьықәиаз
ашырҳәа ибӷа даахықәтәалан ҿааиҭит:
– Саԥхьа рахә боуит, саргьы абыржәы
убри акәын сзызхәыцуаз, аҳәаха сабым
раӡеит акәымзар. Иаасараӡа мчыбжьык,
ҩымчыбжьа, лхахәы бырфынха, длас
кәантраӡа бусқәа зегьы ирыхьӡаша ӡӷабҵәрышәкәак ара дыбсырбап, – иҳәеит.
Алашьцамҭазы ирыӡбаз иазгәырӷьо,
еицәнымхо еицәажәо, акыраамҭа аҵх ргеит, ианааша, аԥшәыма-хаҵа иҽааибиҭан,
иԥҳәыс ԥшӡа блала дааԥхьишьышьаан, уаҳа
ажәак ламҳәакәа, ашьха иаҿалакьуа илиххьаз амҩапа днаҿалеит. Лара ишыҟалҵалац
еиԥш, лхаҵа ицамҭазы илыхьиршаз илаԥш
лыдырхаланы дизыԥшуа дгылан архәара
длымнахаанӡа. Абыржәы убас лгәы иаанагон,
абра асымҟәыл зқәымҵуа ашьха ашьапаҿы
ҳаанамгар, издыруада абас ҳаилибакаауа,
абас ҳаибаҭахны, насыԥ ҳаманы ҳзыҟамлар
ауан ҳәа.
Қәаса дроуижьҭеи лара ҳкәажәҵас
лхы ламхабо дҟалахьан, аха илдыруан
инагӡаны даҳкәажәны дшыҟалоз амаҵуҩԥҳәызба данлоулак ашьҭахь, усҟан лара
акгьы ҟамҵо, лхылҿы архиарада, лцәалжьы рыцклаԥшрада, уаҳа уск лыманы
дшыҟамлоз. Ииашоуп, амаҵуцәагьы аус
дырутәуп, ирхылаԥштәуп, убжьгьы неи
ҵыхны инарықәургароуп, аха уи усны
иԥхьаӡатәӡам, еиҳагьы агәахәара унаҭоит,
мыцхәы ухы бзиа иунарбоит, ларгьы уи ауп
илҭаху. Абас еиԥш лхы дшазхәыцуаз, лгәы
шыҭгәырӷьаауаз, ҩымчабжьа нҭакәкәа иниасит.
Қәаса иӷьычра даныҟаз, усҟан гәеиласрак
лмоуӡеит, уажәы илызгәамҭакәа ииасыз
амшқәа анылԥхьаӡа, ихьшәашәаӡа акы дааимнадеит, лгәалаҟара иаразнак ибжьысит,
ихьухьууа лгәаҵа акы нҭалан дамыртәодамыргыло дааҟанаҵеит.
Лыԥсы аивгара анылцәуадаҩха, ԥшак
лҿалырсырц абӷьаа ҳәа адәахьы даадәыл
ҟьеит, абри аамҭазы акьажы ҳәа ҵәыуабжьык
ллымҳа иааҭасит. Уи аҩада ашьхарахьынтәи
иааҩуан. Иаалырҟьаны дзыргәамҵыз ахьаа
иахьца-иахьаа
лымбакәа
иналыхҟьан,
лылақәа кыдырхаланы аҵәыуабжь ахьгоз
ахь аԥшра далагеит. Ус архәара даавҵит,
уажәраанӡа шәарҭас илоуз лхаҵа.
Шахала лнапқәа ҿаҳәаны ӡӷаб-ҵәрышә
кәак длыхо дааигоит, лара дқьызқьызуа
дҵәыуоит. Ус ашҭа иааҭалт, Қәасагьы,
еимаадуқәа шьҭарҳәазо, еидараӷәӷәак амҿы
иманы даахалт рааимҭазы. Аԥшәма иааигаз аӡӷаб-ҵәрышкәа данаалыхәаԥш, аҵанӡа
даақәыԥсычҳан, ашыр ҳәа днагьажьын, аҽа
уск ахь ихы наирхеит. Аӡӷабгьы Қәаса иаразнакы лылаԥш дыҵашәеит, лылабжышқәагьы
аалҿабан, аҵәыуара даҟәыҵит. Аӡӷабҵәрышкәа гәеилыҷҷак лакәын, Қәаса лара
леиԥш ирӡаз аӡәы шиакәыз иаразнак илдырит. Дымҩашьо илбон лаԥхьаҟа, абри
аҩнаҭаҿы, аџьаха-џьафареи, аџьабааи шлыгымхоз. Қәаса игәы еибакуан хаҵеи ԥҳәыси
рзыҳәан. Аӡӷаб макьана цқьа дшимбацызгьы, лыбжьыхаа шимаҳацызгьы, лыԥшралсахьа дыхнахын, лрыцҳашьара далагахьан.
Аӡӷаб илыхьӡын Гәаԥха. Аиашазы лыхьӡ
уамак ала илнаалон, зегьрыла иугәаԥхашаз
лакәын ларгьы. Инаӡеит аԥшәма-ԥҳәыс
лыгәҭакы, длоуит зегьы ирызҟазаз, зегьы
здыруаз, зегьы еилызкаауаз амаҵуҩы ссир.
Уи афырҭын еиԥш дласуп, зегьы дрыхьӡоит.
Аҳкәажә знык иадамхаргьы длықәцәҟьар
лҭахуп, дшаҳкәажәу ллырбарц азы, аха
аҳәатәы лылҭом.
Гәаԥхеи Қәасеи уа ҩныкаҿы иҟоуп,
гәараҭак еицҭоуп, еибабоит, жәақәакгьы
инеимырда-ааимырдоит, аха гәаҭа-бӷаҭа
иааидтәаланы
еицәажәартә
изыҟалом,
хаҵеи ԥҳәыси рылаԥш рхуп, игәаԥхеи
башьар ҳәа ишәаны, рацәак еидхалар руам,
еицхырааны уск нарыгӡозаргьы, идырцыхцыхуеит, аицәажәаха радраӡом.
Аамҭа ԥыруеит, унаԥшны уаахьаԥшаанӡа
иуцәыӡуеит, иҟаӡам. Маҷ цахьоума нас
Қәасеи Гәаԥхеи рани раби ирыцәӷьычны,
абра, зхы-зыԥсы ҳәа адунеи иқәу хаҵеи
ԥҳәыси рымаҵ руеижьҭеи. Саҳ ухаҵкы,
саҳкәажә бхаҵкы, абри ада акы рҿыҵшәом. Абра, уаҩы дахьықәнамгалацыз, ашьха ашьапаҿы, ашьауӷа иацәыбналаз ахаҵа,
иԥҳәыси иареи аҳратәра аԥшьыргеит. Иара
даҳуп, иԥҳәыс даҳкәажәуп. Итәоуп дара қьаф
уа, алаф еибыҳәо, рымаҵ руеит, зыгәхьаа
рымам, шьоукы
рыӡӷаби
рыҷкәыни.
Қәаса-қамса ада, хаҵеи ԥҳәыси уаҳа ихьӡ
иарымҳәо иалагеит. Гәаԥҳа лакәзар, Қәасақамса ҳәа иалымҳәар ахамышҭыхә лзаарцоит. Иҟалҵараны иҟозеи аҭыԥҳа рыцҳа,
Қәаса-қамса лҳәароуп, усҟан аԥшәмацәа
ччараха ирысуеит. Абас изхыҟарҵо, дара
аҷкәыни аӡӷаби ибзианы еилыркаауеит,
Қәаса амца инаркуеит, ргәаӷ шьҭихуеит.
Шаҟантә иақәикхьозеи Гәаԥха даашьҭыхны
дыбналарц. Аҵыхәтәан, цқьа данхәыцлакь,
игәаӷ иԥыригоит, ииӡбызгьы дацәхьаҵ
уеит, избанзар, араантәи иара аԥшәма
ида уаҩы ашьха даҿысны, абнаршәыра
иҽацәганы цашьа изыҟаҵараны дыҟаӡам.
Мҩадароуп, лада-ҩада узеилыргом, уеибганы агыгшәыг узрыцәцом. Абас шаҟантә
иҽааникылахьозеи Қәаса, еиҳараӡакгьы
Гәаԥха дизымыхьчар ҳәа дшәаны.
Абас ишааиуаз, ани зны зтәыҩа ианкны
иааигаз ажә леишәацәгьа, хәылԥазык азы
игәарымлеит. Аҳкәажә Қәаса-қамса диԥ
хьан:
– Ааит, ҳажә хазына шгәарымлаз умбаӡои,
ушԥагыло ара, абыржәыҵәҟьа уашьҭал,
иахьыҟазаалакгьы иуԥшаароуп, ԥырхагак
аиуны иҟазар, еибгамзар, ахыбаҩ уманы
уаакылсыроуп, аҳы, уццакы, ишеилахәло
умбаӡои, – лҳәеит.
Ииураны иҟааз Қәаса-қамса, иаҳкәажә
иалҳәаз ҟаиҵар акәын. Ддәықәлагәышьеит
рыжә леишәацәгьа аԥшаара. Адәҳәыԥшқәа
еимидеит, абна ҽыгқәа днарывсит, днарылсит, лада иҳәеит, ҩада иҳәеит, иҟам ажә.
Аха гьажьышьас имозеи, аҳкәажә лажәақәа
излеихашҭрызеи! Абас ажә дшашьҭаз
еилахәылеит, амҩа дызныз дацәыхҟьеит,
абнаршәыра дыланагалеит. Дҟьалеит Қәасақамса. Абна дылахеит дзылымҵуа. Икәшамыкәша агыгшәыгқәа рышьҭыбжь иаҳауеит,
атыҩарҩарқәа икьиуа ухәы-ужьы дыргылоит, зны-зынлагьы рылақәа амца рхыдыд
иааихабырбырны рҽырҵәахуеит. Аргамаду ибоит бзиарак дақәшәараны дшыҟам.
Абнаҿы зынӡаск алашьцара жәпоуп, алашә
уиҩызахоит, Қәаса ишьапы ахьеихигаша
ибом, шьаҿак ааҟаиҵар ҵлакы данҟьоит,
амаӷ иҿыхоит, афасара дашьҭуам. Абас
цәгьаԥсышьа иманы, днапыршьышьуа, абна
дылахеит. Абри аамҭазы хаҵеи ԥҳәыси рыжә
леишәацәгьа, атәыҩақәа ҵарыхәҵәаӡа,
азаақь иҟаауа агәашә иаадгылт. Аҳкәажә
дгәырӷьеит ажә еибганы иахьыхынҳәыз,
Гәаԥха дгәырӷьеит Қәаса-қамса деибганы ажә ааицеит ҳәа. Лгәы ҭгәырӷьаауа,
дыҩуа агәашәаҿ днеизар, ажә ахы ҟьо игылоуп, Қәаса-қамса ихабар ыҟаӡам. Гәаԥха
даашәарӡыӡан, лгәы нҭыԥсааит. Лыбжьы
нароуны Қәаса-қамса ҳәа инаизҿылҭит,
аха Қәаса-қамса Гәаԥха лыбжьы ахьынаӡоу
дауҟаху, иабаиаҳауеи, абнаршәыра агәахьы
дагахеит. Ҩаԥхьа еиҳагьы лыбжьы рдуны:
– Қәаса-қамса-а-а! – ҳәа, лыбжьы
даҵаҳәҳәаны хара илшьҭуеит. Аҵхыбжьон
зҭыҩра иҭыҵны, имлашьуа аҵла иқәтәаз
тыҩарҩарк, еихәцәкьысло, абжьы ҭар
хәаҽны, «уу-лиу-лиуу» ҳәа ааҿнаҭит, аҭак
лынаҭозшәа. Гәаԥха дыгәжәажәо агәашә дза
ԥырымҵуа дахьадгыло, Қәаса-қамса ибжьы
акәушәа илаҳаит. Дгәырӷьан изҿылҭуеит:
– Арахь уааи Қәаса-қамса, арахь уааи,
ажә гәарлеит, – ҳәа. Атыҩарҩар ахьықәтәо,
цас ауашәа, «уу-лиу-лиуу»», аҳәоит ҩаԥхьа.
«Снеиуеит, снеиуеит» ҳәа Қәаса-қамса аҭак
ҟаиҵоушәа лаҳауеит Гәаԥха, ус лгәы иахьаҭаху
азы акәхап абас излаҳауагьы. Аха дыҟам
Қәаса-қамса рыцҳа. Аҳкәажә Гәаԥха агәашә
дылзадхуам, егьа лықәылҳәацәазаргьы ил
уам. Қәаса-қамса дхьааго, лылабжышқәа
лҿыҵқьаса ицо дгылоуп ллымҳа кыдҵаны
дӡырҩуа, џьара ишьҭыбжь саҳауазар ҳәа.
Зегь башахеит. Иҟьаҟьаӡа ишеит, дыҟам
Қәаса-қамса. Ааи, иҵабыргны, уаҳа Қәасақамса рыцҳа адунеи данӡамызт. Ауха, аҵ
хабжьон, дангәаҟ, данқьыԥаха, ҵлашьапык
днадиаалан ӷәӷәала дамхацәеит. Абра, да
хьаанагаз аҭыԥаҿы, ақәыџьмақәа тәар
ҭас-гыларҭас ирымазаарын. Абарҭ ақәыџь
мақәагьы аԥыза дырҭахуп. Абра зҽеизыз
галоз ақәыџьмақәагьы ԥызас ирымоу
ҽадак иаҟароуп, алеишәагьы бааԥсуп,
аҟазашьагьы цәгьаӡоуп. Зҟазшьа бзиоу
ақәыџьма иауҟалахьоу, аха ари ак зынӡаск
ишәарҭан. Ауаа ахьымҩасуаз гәаҭаны
ирхаҩон, нас згәы зҽанымыз, бџьарда иҟаз
ауҩы днышьҭагәа дакуан. Дҟәаҟәа-чаҟәаны
дшеибгаз амгәахь дашьҭуан. Асаса убри
аҟара еихыҵуан, калаҭк ҭаӡаратә еиԥш.
Уи ақәыџьма, егьырҭ ақәыџьмақәа реиԥш
ишамызт. Иара иқәыџьмаҵәҟьаны иҟазоу,
мамзаргьы уаҩы иимбацыз даҽа ԥстәызу
аилыргара уадаҩын. Ауха ақәыџьмақәа
рҽеизганы ацәа рҽарҭахьан, абри рԥыза
ацәа азааиуамызт, ус ахы нықәнаҵон еиԥш,
аԥынҵа уаҩԥсык ифҩы ааҭасит. Адыхҳәа
иҩаҵҟьеит. Алақәа акәиц еиԥш иахаз алашьцара кылблаа иагон, абнаҿы зегьы абарҭан.
Иаафҩы-аафҩыфан, иаразнакы, Қәасақамса иҽеикәаԥса дахьыцәаз аҭыԥ ылнахит. Аҭыԥгьы зынӡаск иааигәан. Аҽны азхара ымфакәа иҟан, ицхлымуа иааидԥалан,
Қәаса-қамса рыцҳа аԥхыӡ ссирқәа дышрылаз, ақәыџьма асаса дынҭанагәан, амгәахь
ддәықәнаҵеит.
Ишаашаз, Гәаԥха, Қәаса-қамса ҳәа ҿыҭуа,
иԥшаара далагеит. Адәқәа, ахшьырақәа,
ахәқәа, ааигәа-сигәа акы аанлыжьуам,
деимдоит,
лылабжышқәа
дыркәабеит,
Қәаса-қамса игәырҩа дамоуп, дыҟам, дыл
цәыӡит дызҿыԥсаауа бзиа илбо арԥыс
гәыраз. Иҟалҵара лзымдыруа хәыҳаракык
аҿы дхаланы, Қәаса-қамса ихьӡ ҳәаны,
ишҿылҭуаз, ашьхаҿҟьарсҭа иалиааз аџь ҵла
хыжәжәара ақәцәан иқәтәаз ашьауардын
алаԥш дныҵашәеит. Аԥсы қымқымуа, ԥсы
зхо акы анбаацәырҵуеи ҳәа ишыԥшуаз, ас
аҭыԥҳа данаба, амҵыжәҩа дуқәа аиннаҟьан,
изықәтәаз аҵла аархыџхыџын, ҵәҩанҵәы
ажәҩан иналалеит азнык азы, нас уахьынтә
аҽеикәаԥсаны ахыкәалаа еиԥш ҵаҟа иҩҭалан,
ахәы иазымариаша ианнеи, аҽааиҵнахын,
Гәаԥха-Ԥшӡа дахьгылаз даашьҭнакәыцәааит.
Абнаршәыра агәахьы даган, уажәы уа ихыгьажьылоит, иахьазыманшәало ҭыԥк ылхны,
ҿаҵахәыс иаиуз инадтәалар аҭахуп. Гәаԥха
ашьауардын ашьапхыцқәа дахьырку даара
лжьы лцоит. Илбоит ҽеи шылԥеиԥшым. Нас
сразҟы сзацәымцозар акәхап, аха уаанӡа
Қәаса-қамса ҳәа ҿысҭлап, дҟьаланы абрахь,
абнаршәырахь, даанагазар сыбжьы иаҳар
здыруада ҳәа иԥхьаӡаны:
– Қәаса-қамсаа! – ҳәа аҿыҭра даҟәыҵ
уам, ҿылҭцыԥхьаӡа ашьауардын еихәцә
кьыслоит. Зны, аҽаанкыланы ихагьежьылаауеит, даҽзных, амҵәыжәа дуқәа ааинҟьаааинҟьаны, ԥхьаҟа аҽеиужьны ацара иналагоит. Ахы наҭа-ааҭо, инаԥшы-ааԥшуа ишнеиуаз, амҵәыжәҩақәа ӷәӷәала иааиднаҟьалан,
ахәда ҭҳәаны аҽыҳаранакит. Ашьауардын
гәҽанызарак шыҟанаҵаз аҟара еилылкааит
Гәаԥха. Ари змааноу сзеилыргозар ҳәа хыхьҵаҟа анаԥш-ааԥшра далагеит. Ус, раԥхьаҟа,
абна агәҭаны, ҽыгәрак адәы ааԥшуеит, шьоукгьы ергь ҳәа рыхәанга лбоит. Ас ауааԥсыра
анылба, гәыӷрак лмоукәан дыҟам, лымч
ааҭалан, лыбжьы хҵаны:
– Шәсыцхраа, ашьауардын самышәх!
Шәсыцхраа, ашьауардын самышәх! – ҳәа,
ҿааихак ҟалҵом, ашьауардын ашьапхыцқәа
лыларԥаны, ажәҩан аҵахь дхагаланы даманы иахьцо. Ана, ҽыгәрак адәы ахьааԥшуаз
иқәгылаз рҟынӡа лыбжьы наӡеит. Рхы
иҩахазар, ашьауардын аҽеиҵҳәа, ауаҩԥсы
даманы ирхыԥрааны ацара иаҿуп, иагьагӡам
шәарыцаҩык ихәымпал зымнеиуа инахарахарц. Еилагылаз рахь руаӡәк, афыр ҳәа дааласын, ихыц иахьынӡалшоз иааирххан, ашьауардын ахы иарбаны ахәымпал нашьҭеи
ҵеит. Уи акәхеит, ахәымпал, аԥсаатәжьыфаҩ аблақәа ааҭнахын, аҳауа иахьалаз
иаабалыбаҭеит, нас инеилыҩры-ааилыҩрын
акаҳара иалагеит. Ҵлак иқәҳар издыруада
аҭыԥҳа лыԥсы еиқәхаргьы, аха ус акәымкәа,
дгьыл кәамԥак, мамзаргьы шьхацаҟьак
инаҿаҳар, леиқәхара атәы аҳәара уадаҩуп.
Ашьауардын акыр иҳаракны ажәҩан иалан.
Ана еидгылоу гәыԥҩык ауааԥсырагьы, ргәы
хыҭхыҭуа ажәҩан иаҵаԥшуеит. Ашьауардын ихьанҭыџьӡа, цқьа иҭәым асакь ӡлачы
еиԥшны ажәҩан иалрыҩны ишаауаз, ахәда
ааҭнаҳәан, ҟыҟ-ҿыҟ ҳәагьы акы аҳәақәеит,
нас аҳауаҿы иааԥаҭԥаҭын аҽааннакылеит,
аха уаҳа аналымша, амҵәыжәҩа дуқәа мчыла иааиҵнахын, иԥшшаӡа ҵаҟа инҭалеит.
Иааҵасыз аԥша ԥхьаҟа инанагон икамыжьуа. Ашьауардын амҵәыжәҩа азҟьартә
амч амамызт, аха еиҵыхны иакын. Илаҟәуаилаҟәуа ишнеиуаз, алҿар, аӡбаара илагылаз,
ркьытрацәқәа ирыхьҳәазо, рымахәқәа џьара
иртыруа, ҽаџьара иԥыҵәҵәо ибааӡажжыраӡа
иҟаз рыҵа иныҵаҳаит. Гәаԥха баҩԥҵәак
шлыламлаз еилылкаауеит, лшәара лхыҵны
дшыҟамгьы. Ашьауардын аԥсы ахыҵра
иаҿуп иахьлыджьылоу, аха илыланарҟацаз
ашьапхыц дуқәа уа илыларԥсны иакуп,
лжьы ҭылымжәакәа дзацәцараны дыҟаӡам,
ус ҟалымҵар – инеидԥсылароуп. Лжьы
ҭылжәаргьы дшьабаргьы алшоит, аха уаҳа
иҟалҵара лбом. Иақәылкит, макьана лымч
шыҟоу лыԥсы ацәылгарц. «Иудыруазеи, ус
сыԥсы иахьӡаргьы, ана адәҳәыԥш иқәызбааз
ауааԥсыра», ҳәа лгәы иланаҳәеит.
Шьҭа иҳәатәуп абрахь иқәнагалаз раанагашьа шыҟалаз, насгьы дара зусҭцәоу.
Абарҭ, абра иҟоу ашьхеибаркырақәа рын
хыҵ, еиҭах инахараны, ҳәынҭқарра бзиак, ҳәынҭқарра ӷәӷәак ыҟазаап. Гәырҩадахьаада инхон-инҵуан уаатәи аҳәынҭқар
иуаажәлар. Абри аҳәынҭқар хара ихәыцуаз,
ҟәышра згымыз, зхы зкәачрамыз, ԥагьара
зламыз ҳәынҭқарын. Бзиа еиликаауан
иуаажәлари иареи пату еиқәырымҵар,
бзиа еибамбар, иаргьы иҳәынҭқаррагьы
шзыҟамлоз, ишеилаҳауаз, убри аҟнытә
иуаажәлар мыргәаҟкәа, рхы иааҭашәалак
дмырҟаҵо, рнапи рхи еирхәо дааиуан, даргьы ирдыруан рҳәынҭқар ду ишимжьоз,
ишимҭиуаз. Даара игәра ргон, иргартәгьы
иҟан, ишынхоз, ишынҵуаз уахәаԥшыр.
Ажәлар рхымҩаԥгашьа, реизыҟазаашьа
мацра иуарҳәон, абри аҳәынҭқарраҿы анхара ишынасыԥ дууз. Абас гәырҩада ишааиуаз, уахык иадамхаргьы уахык, ақәыџьмақәа
рықәло иалагеит. Еиҳараӡак ақыҭаҿы ин157
хоз ракәын ахлымӡаах ианиоз. Аӡәы-ҩыџьа
иреиҵамкәа ауааԥсыра, ирықәлоз ақәыџь
мақәа ирцәыргон. Мҩахәасҭас иҟоу зегьы
злаухьчарызеи, ауаа шәаны изымныҟәо,
рхәыҷқәа аҩны иҩнакны иаатәеит. Амца
иаҩызоу арԥарцәа рҽеизганы, рҽеибыҭаны
қыҭа-қыҭала аҷаԥшьара иаҿуп, еимдоит, абас ауаа ирчычаз ақәыџьмақәа
ықәырхырц, индырҵәарц. Аха ақәыџьмақәа
убриаҟара игызмалны рхы мҩаԥыргоит,
иахьа қыҭак аҿы цәгьарак аныҟарҵалак,
уаҵәы аҽа қыҭак алырхуеит, нас мышқәак
икылсӡом, рхабар дырӡуеит, усҟан ауаа
рыгәҽанызааара дырԥсыҽуеит, нас еиҭах,
агәырҩа-агәаҟра. Абас ишааиуаз, аҳәынҭқар
иԥа, иҩызцәа иманы дышрышьҭашәары
цоз, рышьҭа шьҭикаан, абрахь, шьханхыҵ,
абнаршәырахь иааигеит. Иаалаган акыр
џьара ашьацҳәақәа дыргылеит, уажәы
ҳшьацҳәақәа акыр рҿыҵашәазар, ирызкызар аабоит ҳәа иахьааиуаз, ашьауардын
ажәҩан иалазза, ауаҩԥсы даманы ишнеиуаз анырба, аҳәынҭқар иԥа индәықәиҵаз
ихәымпал аблақәа ҭнацҟьаан, нахьхьи
џьара, алтарра иаҵаҵәаху аӡбаарраҿы илажьуп. Гәаԥха еиҳа-еиҳа лхьаа ӷәӷәахеит, ашьа
лылхәаҭа ицо иалагеит. Аҳәынҭқар иԥеи уи
иҩызцәеи ашьауардын ахькаҳаз агәҩара рымоуп, аха уахь анеира ус имариаӡам, лашара
зҵумбаауа абнаршәыраҿы амҩа ацәыхҟьара
акгьы аҭахӡам. Идәықәлеит атәыҩақәа
ирҭаҭәҳәо аԥҳәызба лыԥшаара. Деибгазар, ҳабжьы лаҳар лгәы лырӷәӷәап, лгәы
лышьҭрым, лыԥсы ахәанга ҳашԥахьымӡари
ҳәа игәыӷуеит. Аҳәынҭқар иԥеи иҩызцәеи
алашәарыцақәа рыцын, ирыман аҽы
ӷәӷәақәа, аҽы бзиақәа, аха аҽқәа абна ирзылагаломызт азы, ахылаԥшцәа адыргыланы
аҽаџьара, ҭыԥманшәалак аҿы иаанкыланы
ирыман.
Дук иадымхалеит Гәаԥха лыԥшаара. Ргәы
иахьаанагоз ианазааигәаха, алақәа аақсаақ дырган абна иахьнылашәкәаз, рышьҭа
ихыланы ианнеи, анцәахша, аԥшӡара
даго, лхы адырра лцәуадаҩны, ашьауардын
азымҵәыжәҩак даҵәахуа, аӡбаараҿы асаара дышьҭоуп. Еицыз арԥарацәа иаразнакы ашьауардын ашьапхыцқәа дамырхит,
аҳәынҭқар иԥа иҳазырҭра дынҭасын, каламк ааҭганы, иҭаз ахәшәеиларшьышьы,
ашьапхыц ҭыԥ даганы дахьыҟаз иналхьишьын, иаразнак ашьа аангылеит, аӷьара иалагеит. Лыԥсы лылалеит Гәаԥха. Ас лыԥсы
еиқәзырхаз ирзылҳәара лыздырам, шаҟа
лгәы иаҭаху аҟара лҿы илзарҳәом. Хазы, ас
деихьыжә-еикәыжә, лцәеижь ааԥшуа дахьгыло дацәыԥхашьоит.
– Бара иахьарнахыс абра иббо ҳарҭ зегьы, ҳаҳәшьа хәыҷы бакәзаауеит. Иҳабҳәо,
иҳадыбҵо акы ҳахыԥом, иҳардыр шьҭа бзыниаз, ибху-ибҵыхәо, – иҳәан, аҳәынҭқар иԥа
Гәаԥха лхахәы бырфын инеиԥхьишьашьит.
– Сара Гәаԥха сыхьӡуп, сҩыза Қәаса-қамса
абна дылахан, дшысыԥшаауаз, ашьауардын саашьҭнахын, ишыжәбо сафарц саманы ишнеиуаз, шәара сыԥсы еиқәшәырхеит,
самышәхит. Сыԥсы ҭанаҵы, саргьы шәара
шәзы сыҟазаауеит, шәаҳәшьа соуп, – лҳәан,
дрызгәыкуа аӡәаӡәала иаалгәыдлыҳәҳәалеит.
Гәында-Ԥшӡа бжьҩык аишьцәа лыман
алакә ишаҳәо ала, ҳаргьы бжьҩык ҳаҟоуп
ара, бара ҳаҳәшьазаҵә Гәаԥха-Ԥшӡа боуп.
Гәында-Ԥшӡа дызлабеиӷьу ҳәа акгьы
аабом,бара бзыниаз, ибхыбгаз лыԥхыӡгьы
иаламшәацызт, убри азы, иаадыруеи,
акыр шықәса анцалак, иахьатәи ахҭыс
иажәабжьха
ирҳәо-еиҭарҳәо
ишнеиуа,
Гәаԥха-ԥшӡеи бжьҩык лашьцәеи рлакә ҳәа,
лакәны иҟаҵаны аҳәара иалагаргьы ҟалоит,
иҳәеит аҳәынҭқар иԥа. Игылаз иҩызцәа ааибарччан, иақәшаҳаҭхеит. Гәаԥха инагӡаны
дзымччеит. Уи акы шылгәалашәаз, акы дшааннакылаз еицгәарҭеит.
– Гәырҩас ибымоу ҳабҳәароуп, – рҳәеит
лашьцәа.
– Сашьцәа хазынақәа, саҭашәымҵан
ас иаартны иахьшәасҳәо, аха сара хьаасгәырҩас исымоу Қәаса-қамса иоуп. Иара ида
сара сыԥсҭазаара иԥсҭазараны изыҟалом. Уи
ихьыз, дзыниаз еилкааны исмоур сгәырҩа
нҵәашьак аиураны изыҟалом. Сашьцәа
адауаԥшьқәа, макьана сыбзиара ззымдыруа,
шәсыцхраа, Қәаса-қамса дысзышәыԥшаа, –
лҳәеит.
Қәаса-қамса дызҿыз, дзышьҭаз, имҩа
ахьгаз анырдыр Гәаԥха лашьцәа, уажәраанӡа
рхырҿы иқәыз агәырӷьара нықәҵит. Абра
излагыло абна шаҟа ишәарҭоу дара раҟара
издыруадаз. Ара, ауаа ирчычо ақәыџьмақәа
рҽеизгарҭоуп, ԥсшьарҭас ирымоуп. Дара
рзы шәарҭа зыҟалом. Абри абнаршәыра
агыгшәыгқәа ирҳәынҭқарроуп. Дар роуп
аԥшәмацәа. Аишьцәа ирҳәара рыздырам.
Лыгәшәымшәа рҳәар рҭахуп, аха амц дара
ираҭәам.
– Зынӡаск бгәы каҳажьыр ҳҭахым, ҳаҳәшьа хәыҷы, аха ибдыруазарц ҳҭахуп,
Қәаса-қамса абрахь дыланагалазар ҽеирак
дақәшәараны дшыҟамыз, аха, ари ҳазну
адунеи аҿы иумбо, иумаҳауа, иҟамло акгьы ыҟаӡам, ибымбои баргьы ашьауардын
шьыбжьхьас бҟаҵаны баманы ишнеиуаз
изықәшәаз? Бара, Анцәа илԥханы ,быԥсы
ҭоуп, беиқәхеит, убас Қәаса-қамсагьы
ԥеиԥш бзиак илахь ианны иҟазҭгьы, дзыниалакгьы дыԥсраны дыҟаӡам, убри иԥеиԥш
даниаанӡа. Ҳаԥшлап, загьы ирымоуп
дара ирзалху аамҭа, – абас аҳәынҭқар иԥа
Гәаԥха дынлацәажәеит, гәыӷракгьы лымҭо,
гәыӷрадагьы даанимыжьуа.
Рлақәа раԥхьаҟа ишьҭны, Гәаԥха дыр
гәылакны, еиқәыӡырҩуа, зегьы рзыҳәа ихианы, ашьацҳәақәа ргыланы иахьрымоу ахь
рҿынархеит. Абна аҵа абгассеи, абгалаџқәеи,
ақәыџьмақәеи рышьҭа иарганы иҟоуп, аха
аԥсаатә рыбжьада аҽа бжьык раҳауам. Ус
ишнеиуаз, аҳәынҭқар иԥа дааҭгылеит.

Sez Abhaz-Abaza ädäbiyättän 1 tekst ukıdıgız.
Çirattagı - Аҳ иԥҳа - 4
- Büleklär
- Аҳ иԥҳа - 1Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3339Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22500.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҳ иԥҳа - 2Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3176Unikal süzlärneñ gomumi sanı 22750.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҳ иԥҳа - 3Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 3427Unikal süzlärneñ gomumi sanı 23600.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.
- Аҳ иԥҳа - 4Härber sızık iñ yış oçrıy torgan 1000 süzlärneñ protsentnı kürsätä.Süzlärneñ gomumi sanı 1962Unikal süzlärneñ gomumi sanı 13640.0 süzlär 2000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 5000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.0.0 süzlär 8000 iñ yış oçrıy torgan süzlärgä kerä.